Авикипедиа
abwiki
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%98%D1%85%D0%B0%D0%B4%D0%BE%D1%83_%D0%B0%D0%B4%D0%B0%D2%9F%D1%8C%D0%B0
MediaWiki 1.48.0-wmf.3
first-letter
Амедиа
Цастәи
Ахцәажәара
Алахәыла
Алахәыла ахцәажәара
Авикипедиа
Авикипедиа ахцәажәара
Афаил
Афаил ахцәажәара
Амедиавики
Амедиавики ахцәажәара
Ашаблон
Ашаблон ахцәажәара
Ацхыраара
Ацхыраара ахцәажәара
Акатегориа
Акатегориа ахцәажәара
TimedText
TimedText talk
Амодуль
Амодуль ахцәажәара
Event
Event talk
Акатегориа:Адинхаҵаратә хырхарақәеи аҵасқәеи аҵысрақәеи
14
34912
176282
129546
2026-11-04T19:17:30Z
Fraxinus.cs
8381
Удaлeнa [[Акатегориа:Ахәыцра ахырхарҭақәа]]; Дoбaвлeнa [[Акатегориа:Ахәыцра ашколқәа]] [[ВП:HC|HotCat]] ацхыраарала
176282
wikitext
text/x-wiki
{{commonscat|Religious faiths, traditions and movements}}
This category is for articles pertaining to various [[religious faith]]s, [[religious traditions|traditions]], and movements.
{{Иадҳәалоу акатегориа|Адинхаҵаратә еиҿкаарақәа}}
[[Акатегориа:Агәра]]
[[Акатегориа:Адин| ]]
[[Акатегориа:Ахәыцра ашколқәа]]
k4m6ji97ooo1iplg9twdgmy6rpiljg8
176283
176282
2026-11-04T19:17:53Z
Fraxinus.cs
8381
176283
wikitext
text/x-wiki
{{commonscat|Religious faiths, traditions and movements}}
This category is for articles pertaining to various [[religious faith]]s, [[religious traditions|traditions]], and movements.
{{Иадҳәалоу акатегориа|Адинтә еиҿкаарақәа}}
[[Акатегориа:Агәра]]
[[Акатегориа:Адин| ]]
[[Акатегориа:Ахәыцра ашколқәа]]
pjp93btsqavuszs2rxw5o3zk7ghslm3
176284
176283
2026-11-04T19:18:02Z
Fraxinus.cs
8381
176284
wikitext
text/x-wiki
{{commonscat|Religious faiths, traditions and movements}}
{{Иадҳәалоу акатегориа|Адинтә еиҿкаарақәа}}
[[Акатегориа:Агәра]]
[[Акатегориа:Адин| ]]
[[Акатегориа:Ахәыцра ашколқәа]]
ckrjapctwjgim2bwkl6b2yoy1dlzfii
Кинг, Мартин Лиутер
0
37721
176292
173877
2026-11-05T11:39:15Z
Fraxinus.cs
8381
+ 35 категориақәа [[ВП:HC|HotCat]] ацхыраарала
176292
wikitext
text/x-wiki
{{Акарточка аполитик}}
'''Мартин Лиутер Кинг''' ({{date|15|1|1929}}, [[Атланта]], [[аштат Џьорџьиа]], [[ЕАА]] — {{date|4|4|1968}}, [[Мемфис]], [[аштат Теннесси]], ЕАА) — еицырдыруа Америкатәи аусзуҩы, ауаа рзинқәеи рхақәиҭреи рзықәԥаҩ Адунеизегьтәи Нобельтәи апремиа алауреат. Ари ауаҩ иоуп [[Еиду Америкатәи Аштатқәа]] рҟны асегрегациа иаҿагыланы иқәԥоз рахьтә милаҭтә фырхаҵаны иҟалаз, уи игәаанагара ицеиҩыршон адунеи ауааԥсыра реиҳараҩык.<ref>{{Cite web |url=https://bigenc.ru/world_history/text/2064215 |title=Archive copy |access-date=2024-01-26 |archive-date=2022-11-17 |archive-url=https://web.archive.org/web/20221117092645/https://bigenc.ru/world_history/text/2064215 |url-status=dead }}</ref>
== Ахәыҷреи ақәыԥшреи раамҭа ==
[[Европа]] аҩажәатәи ашәышықәса иҭагылан. Атәтәра шаԥырххьазгьы, декабр мза, 1865 шықәсазы аграждантә еибашьра иахҟьаны, зцәеижьи шкәакәамыз ауааԥсыра рахь ауаажәларра ирымаз атәамбара аҽамԥсахыцызт, избанзар аҳәынҭқарра иара ус акагь ҟанамҵеит ауаа еиқәаҵәақәа закәанла рыхьчаразы.
Зцәеижьи еиқәаҵәаз зин ҳәа акагь рымамызт, аҩбатәи асорт иаҵанакуа уааны иԥхьаӡан. Урҭ аусура бзиахь иргомызт, алхрақәа рылахәра азин рыҭамызт. Америка аграждантә еибашьра ашьҭахь, Джон Кроу иофициалтәымыз изакәанқәа аус руан, уи ала ауаа еиқәаҵәақәа еиҳа хыԥхьаӡарала имаҷыз ашкәакәақәа зинла ираҟараны ҟалашьа амамызт. Зцәеижьы еиқәаҵәаз ауааԥсыра ҳәа иԥхьаӡан иарбанызаалак араԥцәа ршьа злаз зегьы.<ref>https://24smi.org/celebrity/5005-martin-liuter-king.html</ref>
Абарҭ ауаажәларратә еиҿыхарақәа раан диит Мартин Лиутер Кинг, уи ҟалеит ианар мза 15, 1929 шықәсазы Атланта ақалақь аҟны, аштат Џьорџьиа, Америка аладатәи ахәҭа аҟны. Ари аҭыԥ аҿы акәын иахьынхоз араԥ уааԥсыра абжьаратәи акласс иаҵанакуаз рхаҭарнакцәа.<ref>{{Cite web |url=https://worldofaphorism.ru/b/1002 |title=Archive copy |access-date=2024-01-26 |archive-date=2021-04-15 |archive-url=https://web.archive.org/web/20210415084925/https://worldofaphorism.ru/b/1002 |url-status=dead }}</ref>
Аҷкәын иаб Мартин Лиутер Кинг аиҳабы, абаптисттә уахәама аҟны пасторс дыҟан, иан лакәзар, Альберта Уилиамс Кинг, хаҵа дцаанӡа рҵаҩыс аус луан. Аҭаацәара рхада аԥхьа Маикл ҳәа иарҳәон, аха анаҩс иара ихьӡгьы иԥа ихьыӡгьы иԥсахит Мартин ала.
Мартин аиҵбы аҩбатәи хәыҷын аҭаацәар рҟны, иузҳәом Кингаа ирыцҳаны инхон ҳәа: аԥхьаҟа аиҟарара иазықәԥаҩхараны иҟаз иҭаацәа ибжьаратәны инхоз рыкласс ахь иаҵанакуан, акы иазрыцҳаны иҟамызт. Кинг драаӡон адинхаҵаратә ҭагылазаашьа ахьыҟаз, уи азы цәгьоурак аныҟаиҵалак зны-зынла апҟарагьы ахархәара арҭон. Аха, Мартин аиҳаби Альберта Уилиамси ирылшоз зегьы ҟарҵон рԥа аҿиара змаз арасисттә цәымӷра иацәыхьчаразы.
Аҷкәын фышықәса анихыҵуаз, дәык аҟны ицыхәмаруаз иҩыза ҷкәын убас еиԥш иеиҳәеит: «Сан азин сылҭаӡом уара уцыхәмарра уцәеижьы ахьеиқәаҵәоу иахҟьаны» ҳәа. Иҟалаз ашьҭахь Альберта Уилиамс даара лыҷкәын диабжьон, диацәажәон, иалҳәон иара аӡәгьы дышиеицәам.
Кинг жәашықәса анихыҵуаз, абаптистцәа руахәама аҟны ашәа иҳәон. Убри аамҭазы Атланта идырбан афильм «Унесенные ветром», ахоргьы ари ахҭыс иалахәын. Аԥхьаҟа иполитикатә усзуҩы дуны иҟалараны иҟаз, иқәра иаҵанамкуа даара дҟәыӷан, Мартин Лиутер Кинг хәба-хәба ҳәа араԥцәа рышкол аҟны аҵара иҵон. Аҷкәын ажәбатәии ажәаҩатәии аклассқәа дрылымгеит, иара ихала ашколтә программа аҩны дахысит, 15 шықәса анихыҵуаз екстерла дагьҭалоит Морхаузтәи ауниверситет. 1944 шықәсазы Мартин ацәажәаҩцәа рыбжьара еиҿкааз аицлабра аҟны аиааира игоит, уи мҩаԥган Џьорџьиа, зцәеижьи еиқәаҵәаз ауааԥсыра рыбжьара.<ref>http://evekaz.narod.ru/project/biography.htm</ref>
Кинг аҟны иҵара ашықәсқәарзы далалоит «зцәеижьи еиқәараз ауааԥсыра рпрогресстә милаҭтә ассоциациа», иагьеиликаауеит арасизм иаҿагыланы ишықәгыло араԥцәа реиԥш, ауаа шкәакәақәагьы. 1948 шықәсазы Мартин далгоит ауниверситет, иагьиоуеит асоциологиа абакалавр астепен. Мартин Лиутер Кинг даныстудентыз иаб Еибенезертәи ауахәама аҟны дицхраалон. Кинг аиҳабы иусуратә ҭыԥ аҿы, аԥхьаҟа уаажәларратә усзуҩны иҟалараны иҟаз, лассы-лассы иҭаауаз сасны дыҟан. 1947 шықәсазы Мартин Кинг аиҵбы ауахәама аусзуҩы ицхырааҩ ҳәа ахьӡ идикылоит.
Аполитик иҵара иациҵоит Кроузертәи атеологиатә семинариа аҟны, ақалақь Честер, уи аштат Пенсильваниа акәын иахьыҟаз. Уа аԥхьаҟа иреволиуционерхаз адинҭҵаара адоктор истепен иоуеит 1951 шықәсазы, анаҩс иҵара иациҵоит бостонтәи аспирантураҿы, 1955 шықәса рзын афилософиа адоктор истепен иоуеит.<ref>{{Cite web |url=https://www.peoplelife.ru/133663 |title=Archive copy |access-date=2024-01-26 |archive-date=2024-01-26 |archive-url=https://web.archive.org/web/20240126112302/https://www.peoplelife.ru/133663 |url-status=dead }}</ref>
== '''Аусура''' ==
Мартин Лиутер Кинг иаби иабдуи рышьҭра дықәлеит, 1954 шықәсазы аполитик абаптисттә уахәама аҟны дпасторхоит. Иԥсҭазаара зегьы анцәахаҵареи ахақәиҭреи, аиҟарареи аидеиақәа дрықәныҟәон. Кинг даара аоратортә ҟазара илан, урҭ иахәҭаз ахырхарҭақәа аҟынгьы ахархәара аҭара илшеит. Мартин НАПЦН активлатәи алахәылас дыҟан, анаҩс 1955 шықәсазы Монтгомери аиӷьтәразы ассоциациа анапхгаҩыс дҟалоит.
Мартин Лиутер Кинг Мантгомери автобусқәа рцәаҳәа абоикот дахагылан. Иофициалтәым аиқәышаҳаҭра ала зцәеижьи шкәакәамыз апассаџьырцәа атранспорт ахархәара азин рымамызт, автобус аҟны раԥхьатәи атәарҭа ҭыԥқәа ԥшьба рҟны итәоз ауаа шкәакәақәа ракәын.<ref>https://www.golosameriki.com/a/a-33-2006-01-16-voa7/626345.html</ref>
Иара убасгьы, аӡәырҩы автобус арныҟәцаҩцәа рхы ҽеины имҩаԥыргомызт, афроамерикаа рганахь ала иакәымкәа ицәажәон. Ауаажәларратә усзуҩы зцәеижьи еиқәараз Роза Парк зны мап лкит «еиҳа азин змаз» ахаҵа иртәаразы, уи иахырҟьаны лара аҭыԥантәи аполициа ддырбаандаҩуеит. Ас еиԥш иҟаз ахҭыс, Еиду Америкатәи Аштатқәа рҟны лассы-лассы иуԥылон зцәеижи еиқәараз ауаа ааныркылон. Автобус арныҟәцаҩ аӡәгьы дилацәажәомызт, афроамерикаа апассаџьырцәа рахьтә руаӡәык иеихсны дыршьыргьы.<ref name="dupc644dc">https://www.tvc.ru/news/show/id/59286</ref>
Мартин Лиутер Кинг ари ауаажәларратә проблема ианышәарц згәы иҭамыз, еиҿикаауеит ақәымчра зцымыз атранспорттә баикот, уи иалахәын афроамерикаа. Апротест шықәсык еиҳаны ицон, хышәи ԥшьынҩажәи ҩба мшы инеиԥынкыланы. Зцәеижьы еиқәаҵәаз зегьы мап ацәыркит ауаажәларратә транспорт ала аныҟәара, дара шьапыла иныҟәон, убри аан ахақәиҭреи аиҟарареи рахь ауаа аазыԥхьоз ааԥхьарақәа ҟарҵон. Зны-зынла афроамерикатәи амашьынарныҟәцаҩцәа абоикот иалахәыз ауаа шьҭырхуан, аха дара ауаажәларратә транспорт ақәтәара мап ацәыркуан. Акциа иалахәын ф-нызқьҩык ауаа. Акраамҭатәи акциа қәҿиарала имҩаԥысит, 1957 шықәса рзы Еиду Америкатәи Аштатқәа реиҳабыра ахадара ақәҵара аднакылеит, уа иаҳәон Алабама аштат аҿы ауааԥсыра рзинқәа рыхәаҽра Еиду Америкатәи Аштатқәа рконституциа ишаҿагыло, Таимс акәзар, иакьыԥхьуеит Мартин иҿцәажәара, насгьы ацәаҟны Мартин ифото аннаҵоит.
Ауаа зегьы Мартин Кинг идгыломызт, апротестқәа рымҩаԥгара аан изныкымкәа иқәлахьан, иҩнгьы ԥыржәарц иақәыркхьан. Мартин Лиутер Кинг зцәеижьы еиқәараз ауааԥсыра рзы дҿырԥшыгахеит, насгьы ахақәиҭреи азинқәа реиҟарареи дырсимволны дҟалеит. Кинг ииӡбаз қәымчрадатәи аоппозициа азы адунеизегьтәи Нобельтәи апремиа ианашьан.<ref>{{Cite web |url=http://www.nobeliat.ru/laureat.php?id=165 |title=Archive copy |access-date=2024-01-26 |archive-date=2016-11-18 |archive-url=https://web.archive.org/web/20161118101324/http://www.nobeliat.ru/laureat.php?id=165 |url-status=dead }}</ref>
Иара убасгьы, Мартин Лиутер Кинг адемонстрациақәа еизигон иарбанызаалак асегрегациа аарԥшразы иазырхаз. Убас, 1962 шықәсазы Мартин «Ауаҩы изинқәа рзы алабаматәи ақьырсианцәа рҵысра» аилазаара далалоит. Кинг иара убасгьы адемонстрациақәа ирыдиԥхьалон ауниверситет аҟны аҵара зҵозгьы, урҭ амитингқәа рахь ицәырҵуан. Мартин Лиутер Кинг еиҿикаауаз «Аҵысрақәа» ақәымчратә ҟазшьа шрымамызгьы, астудентцәа амаҵзуратә лақәа рыжәырҵон. Иара Мартин Кинг ихаҭа иакәзар, акырынтә дҭаркхьан.
1962 шықәсазы аштат Миссисипи ауниверситет даднакылоит зцәеижьи еиқәаҵәаз астудент Џьеимс Мередит, уи иоуп раԥхьатәи араԥ студентс иҟалазгьы. Еиду Америкатәи Аштатқәа рҟны иҟан аиқәаҵәақәа рзын ҷыдалатәи аҵараиурҭақәа, урҭ ауаа шкәакәақәа реиԥш азин рымамызт аҵаразы. Убри аҟынтә зцәеижьи еиқәаҵәаз ауниверситет ахь идкылара ари раԥхьатәи прогрессын, аха зегьы ақәшаҳаҭмызт афроамерикаа аҵараиурҭақәа рҭаҵара, иаҳҳәозар, Алабама агубернатор Џьорџь Уоллес арассатә мцхаҵарақәа дрықәшаҳаҭын аҟнытә, ҩыџьа зцәа еиқәаҵәаз астудентцәа ауниверситет ахь амҩа рзикуеит. Мартин Кинг ишилшоз ала ауаҩы изинқәа рыхьчара дазықәԥон, асегрегациа шықәсырацәала даҿагылон. Аха Мартин Лиутер Кинг, зцәа еиқәаҵәаз ауаажәларратә усзуҩы, деицырдыруа дҟазҵаз даҽа акциоуп, уи ахҭыс аҭыԥ аман 1963 шықәсазы, иагьарҭбааит Мартин Кинг иполитикатә нысмҩа.<ref>{{Cite web |url=https://www.usa-info.com.ua/personality/martin-lyuter-king |title=Archive copy |access-date=2024-01-26 |archive-date=2024-01-26 |archive-url=https://web.archive.org/web/20240126112306/https://www.usa-info.com.ua/personality/martin-lyuter-king |url-status=dead }}</ref>
Акциа «марш на Вашингтон» иалахәхаразы еизеит 300-нызқьҩык Америкаа. Кинг ари акциа аан даара ауаа ргәалашәараҿы иаанхаз ажәахә ҟаиҵеит, уи абарҭ ажәақәа рыла иалагон: «Сара исымоуп агәазыҳәара…». Мартин арасатә еинышәаразы ааԥхьара ҟаиҵеит, иагьиҳәеит ауаҩы иарбан милаҭзаалак дызҵазкуазаалак акәӡам ихадоу, уи ҩныҵҟала дзеиԥшроу ауп ҳәа.
Амарш аԥхьагылацәа Еиду Америкатәи Аштатқәа рпрезидент Кеннеди иԥылеит, ирылацәажәеит ауаажәларратә проблемақәа. 1964 шықәсазы анапы аҵаҩын «Аграждантә зинқәа рзы» азакәан, уи зцәа еиқәаҵәаз ауаа рзинқәа ахьчон.<ref>https://stuki-druki.com/authors/King_Martin-Luther.php</ref>
== Аидеиақәеи адунеихәаԥшышьақәеи ==
Мартин Кинг идунеихәаԥшра асегрегациа апроблема аӡбара мацара аҟны иаанымгылеит. Ари аполитик Еиду Америкатәи Аштатқәа ртәылауаа рзинеиҟарареи рхақәиҭреи дазықәԥон, уи аусурҭа аҟамзаареи, амлакреи рызҵаарақәа даара игәы иҵхон.
Мартин лассы-ласс ныҟәара дцалон, дахьнеиуазгьы ақәгыларақәа мҩаԥигон, ауаа рзинқәа рыхьчалартә ааԥхьарақәа ҟаиҵон. Убри аан Мартин Лиутер Кинг игәаанагара ала, иарбанызаалак ауаажәларратә қәԥара ақәымчра ацымзар акәын, избанзар иара иҳәон — ажәала иуӡбо рацәоуп, аибашьрақәеи ақәԥарақәеи ахархәара рымҭакәа ҳәа. Лиутер акыр ашәҟәқәа иҩит, урҭ азини ауаажәларратә зини рзы ирҵаганы шәҟәқәаны иҟалеит.<ref name="dup7a7dad">https://ivbg.ru/7979374-kak-martin-lyuten-king-izmenil-zhizn-millionov-amerikancev.html</ref>
== Ахатәы ԥсҭазаара ==
Мартин Лиутер Кинг хаҭашьала даара илахҿыхыз уаҩын, дқьиан, аҭаацәараҿы акәзар, дҿырԥшыган, ихшаз бзиа ибон. Иара иман ԥшьҩык ахшара. Аконсерваториа аҵаҩы Коретта Скотти Мартини еибадырит 1952 шықәсазы, Бостон иҟазаара аан.<ref name="dupc644dc"/>
Кинг ԥҳәысс иалихыз иҭаацәагьы даара дыргәаԥхеит, еибагарц азгьы иақәшаҳаҭхеит. Аԥхын, 1953 шықәсазы Кинги Кореттеи еибагеит, ачара рыман иԥҳәыс лҭаацәа рҿы. Урҭ дрықәныҳәеит, агәыргьанхаҵарагьы мҩаԥигеит Мартин Кинг иаб.
Ҭагалан 1954 шықәсазы Кингаа рҭаацәа аштат Алабамаҟа нхара ицоит, ақалақь Мантгомери ашҟа, уа иагьалагоит Мартин Лиутер иусура хадагьы.<ref>https://theperson.pro/martin-lyuter-king/</ref>
== Аԥсра ==
1968 шықәса, февраль мзазы ақалақь Мемфис, аштат Теннесси аҟны афроамерикаа агәамсамықәгаҩцәа рықәгылара еиҿыркаауан. Аусуцәа руалафахәы ианаамҭаз рзымшәаразы, насгьы аиҳабыра дара рганахь иаадырԥшуаз азыҟазаашьазы; асегрегациа еиԥшыз иаҿагылон, ашкәакәақәа амшцәгьа аныҟаз аусура иҭымҵыргьы ауан, аха аиқәаҵәақәа адыд-мацәыс аныҟазгьы агәамсам ықәыргалар акәын. Абарҭқәа ззымычҳаз ауаа рзинқәа рыхьчаҩ Мартин Лиутер Кинг идҵаалеит.
Апрель 3 рзы, Мартин Кинг дырҩегьых Теннессиҟа ддәықәлоит, аха аполитик иреис иԥсахыр акәхеит, избанзар аҳаирплан аҟны артҟәацга ыҟазар ауеит ҳәа рыларҳәеит. Ақалақь аҟны ауаажәларратә усзуҩы амотель «Лореин» аҟны 306 – тәи ауада ааникылоит.<ref>https://www.gazeta.ru/science/2018/04/04_a_11705528.shtml</ref>
Уахыки-ҽнаки ааҵхьан еиԥш, Мартин Лиутер Кинг иномер абалкон дшықәгылаз, ашкәакәа цәгьоуҩы Джеимс Ерл Реи аполитик диеихсуеит. Джеимс знык дхысит: ахы Мартин Лиутер Кинг ицламҳәа иаахеит. Аполитик иԥсҭазаара далҵит иԥшьоу Иосиф ихәышәтәырҭаҟны 19 сааҭи 05 минуҭи рзы. Мартин Кинг иԥсра аламҭалазы абас еиԥш ажәа иҳәеит: «Сара сыҟан ашьха ақәцә аҟны» — ҳәа. Азыӡырҩцәа Мартин Кинг аҵыхәтәантәи иқәгылара аҟынтә абри ацитата гәныркылеит:<ref>https://www.5-tv.ru/news/194789/</ref>
'''«Дарбанызаалак иеиԥш саргьы исҭахын акраамҭа аԥсҭазаара. Ақәра рацәа анҵра акраҵанакуеит. Аха, сара уажәы уи сазхәыцуам. Исҭаху акоуп — Анцәа иажәа анагӡара».'''
Мартин Кинг дызшьыз Джеимс аполициа дааныркылеит: иара ииуз азы иҿы иқәшаҳаҭхеит, игәы иаанагон иҟаз шыҟаз иҳәар ашықәс маҷны иқәырҵап ҳәа, аха аӡбарҭа аҟны ацәгьоуҩы 99 шықәса ҭакрыла ахгара иқәырҵоит. Усҟан Реи аҳәамҭа ҟаиҵеит, аӡәгьы дсымшьит ҳәа, аха аӡбарҭа иаднакылаз ақәҵара амԥсахит. Абас шакәызгьы, Кинг ишьра аус аҟны еилкаам аҭагылазаашьақәа маҷым. Ҿырԥштәыс иаагозар, еилкаам иарбан бџьару аснаипер дызлахысыз, аиашазы Джеимс Реи Мартин Кинг ишьра иалахәхарагьы шьақәыргыламызт.
Мартин Кинг иԥшәмаԥҳәыс аӡбарҭа ақәҵара даарагьы илгәамԥхеит, избанзар, лара лгәаанагара ала, ари ацәгьоура ҟазҵаз аӷьычразы иҭакыз ибналаз ацәгьоуҩы иакәмызт, ари политикатә чарҳәаран. Убри аҟынтә, Реи иԥсрагьы Коретта даара лгәы иалсит, уи аӡәк иакәын аиаша здыруаз азы. Мартин Кинг дызшьыз иахьа уажәраанӡагьы имаӡаны иаанхоит.
Аполитикатә усзуҩы игәаларшәара аҳаҭыр азы Америка, есышықәса ианар мза ахԥатәи ашәахьа аҽны иазгәарҭоит «Мартин Лиутер Кинг имш». Ари амш азгәаҭара шьақәырӷәӷәан 2000 шықәсазы. Иара убасгьы, Мартин игәаларшәаразы иҭыхын адокументалтә фильмқәа, урҭ аполитик иусура атәы еиҭарҳәоит. Мартин Кинг анышә дамадоуп «Мартин Лиутер Кинг имилаҭтә ҭоурыхтә музеи» ашҭаҟны.<ref name="dup7a7dad"/>
==Азгәаҭақәа==
{{reflist}}
{{Авторитет змоу адыррақәа}}
[[Акатегориа:Мартин Лиутер Кинг| ]]
[[Акатегориа:Ажьырныҳәамза 15 рзы ииз]]
[[Акатегориа:1929 шықәсазы ииз]]
[[Акатегориа:Мшаԥымза 4 рзы иԥсыз]]
[[Акатегориа:1968 шықәсазы иԥсыз]]
[[Акатегориа:20-тәи ашәышықәсазтәи Америкатәи ашәҟәыҩҩцәа]]
[[Акатегориа:Америка иашьагәыҭу ажәларқәа рзинқәа рзы активистцәа]]
[[Акатегориа:Афро-американтәи атәылауаҩратә зинқәа рзы активистцәа]]
[[Акатегориа:Америкатәи исахьаркыратәым алитература ашәҟәыҩҩцәа]]
[[Акатегориа:Афро-америкатәи атеологцәа]]
[[Акатегориа:Америкатәи антикапиталистцәа]]
[[Акатегориа:Америкатәи антикоммунистцәа]]
[[Акатегориа:Америкатәи арасизм иаҿагыло активистцәа]]
[[Акатегориа:Америкатәи Виетнамтәи аибашьра иаҿагыло активистцәа]]
[[Акатегориа:Америкатәи ақьырсиантә пацифистцәа]]
[[Акатегориа:Америкатәи ақьырсиантә социалистцәа]]
[[Акатегориа:Америкатәи атеизм акритикцәа]]
[[Акатегориа:Америкатәи адемократиатә социалистцәа]]
[[Акатегориа:Америкатәи ауаҩы изинқәа рыхьчаразы активистцәа]]
[[Акатегориа:Америкатәи ашьагәыҭтә жәларқәа рзинқәа рзы активистцәа]]
[[Акатегориа:Америкатәи амч ахархәара злам адгылаҩцәа]]
[[Акатегориа:Аменде ахылҵшьҭра змоу америкауаа]]
[[Акатегориа:Сиерра-Леоне ахылҵшьҭра змоу америкауаа]]
[[Акатегориа:Америкатәи абаандаҩцәа]]
[[Акатегориа:Америкатәи ацқьацәа]]
[[Акатегориа:Америкатәи асоциалистцәа]]
[[Акатегориа:Америкатәи асоциал-демократцәа]]
[[Акатегориа:Америкатәи аусзуҩцәа рзинқәа рзы активистцәа]]
[[Акатегориа:Англикантәи ацқьацәа]]
[[Акатегориа:Аполитикатә шьрақәа ирықәшәаз Еиду Америкатәи Аштатқәа ртәылауаҩратә зинқәа рзы активистцәа]]
[[Акатегориа:Аполитикатә шьрақәа ирықәшәаз адин анапхгаҩцәа]]
[[Акатегориа:Абаптисттә шәҟәыҩҩцәа]]
[[Акатегориа:Абаптисттә социалистцәа]]
[[Акатегориа:Амарксизм акритикцәа]]
[[Акатегориа:Агандицәа]]
[[Акатегориа:Еиду Америкатәи Аштатқәа рҿы иҟоу алиберализм]]
[[Акатегориа:Аҭынчра ахырхарҭаҿ Нобель ипремиа алауреатцәа]]
[[Акатегориа:Еиду Америкатәи Аштатқәа рҿы аполитикатә баандаҩцәа]]
[[Акатегориа:Апротестанттә расизм иаҿагыло активистцәа]]
5dc8bhcdwfb524ffay3wvf5atlw85s2
Толстои, Лев Николаи-иԥа
0
37722
176290
176254
2026-11-04T20:26:21Z
Fraxinus.cs
8381
викификация, источники, оформление, стилевые правки
176290
wikitext
text/x-wiki
{{Акарточка ашәҟәыҩҩы}}
'''Лев Николаи-иԥа Толстои''' ({{date|9|9|1828|28|8}}, [[Иаснаиа Полиана]] — {{date|20|11|1910|7||}}, [[Астапово]]) — еицырдыруа [[Аурысцәа|аурыс]] шәҟәыҩҩы, апублицист, ахәыцыҩ ду, адунеитә литература аҟны иреиӷьӡоу ароманистцәа ируаӡәку. Лев Толстои инысмҩа ҭәуп даара аинтерес змоу афактқәеи ахҭысқәеи рыла.<ref>{{Cite web |url=https://bigenc.ru/literature/text/4195948 |title=ТОЛСТО́Й |access-date=2024-01-26 |archive-date=2020-11-25 |archive-url=https://web.archive.org/web/20201125022103/https://bigenc.ru/literature/text/4195948 |url-status=dead }}</ref>
== Толстои иаазыркьаҿу инысмҩа ==
Лев Толстои диит нанҳәамза 28, 1828 шықәсазы [[Урыстәылатәи аимпериа]], [[Крапивенсктәи ауезд]] [[Тулатәи агуберниа]], иан лимшьҭратә нхара аҟны – [[Иаснаиа Полиана]]. Иара аҭаацәара аҟны аԥшьбатәи хәыҷын. Иан лыԥсҭазаара далҵит [[1830]] шықәсазы, ахшараиура дахыԥсааит. Ари ҟалеит аԥҳа данлоу ашьҭахь, усҟан Лев ҩышықәсагьы ихымҵыцызт. Абарҭқәа ирыхҟьаны Лев хәыҷы иашьцәеи, иаҳәшьцәеи, иареи рааӡара инапы ианылеит иабду иашьа иԥа. Быжьшықәса ааҵхьан, иаалырҟьаны иԥсҭазаара далҵит Лев Толстои иаб – аграф Николаи Толстои.
Арҭ атрагедиатә хҭысқәа ирылҵшәаны ахәыҷқәа ааӡаҩыс дроуит Казан инхоз рҭынха ԥҳәыс. Лев Толстои ихәыҷрашықәсқәа даара аԥхарра аҵаны игәалаиршәон, ари аамҭа иара инысымҩа аҟны акыр адраматә хҭысқәа шацызгьы.<ref>{{Cite web |url=https://www.uznat.net/biografii/kratkaya_biografiya_tolstogo.html |title=Краткая биография Л.Н.Толстого |access-date=2024-01-26 |archive-date=2023-06-04 |archive-url=https://web.archive.org/web/20230604003351/https://www.uznat.net/biografii/kratkaya_biografiya_tolstogo.html |url-status=dead }}</ref>
== Аҵарадырра ==
Толстои алагарҭатә классқәа рзы аҵарадырра аҩны ауп иахьиоуз. Уи аҵара идырҵон анемеци афранцызи рҵаҩцәа. 1843 шықәсазы Толстои [[Аимператортә Казантәи ауниверситет]] мрагыларатәи абызшәақәа рзы афакультет дҭалоит. Аха, ари ахырхарҭаҟны аҵарадырра ус имарианы ицааиуамызт. Ихәшьарақәа ахьҽеимыз иахҟьаны еиҳа имариаз азиндырратә факультет ахь диасыр акәхеит.
Аха, ус шакәызгьы, Толстои инысмҩа аҟны иарбоу аофициалтә дыррақәа рыла, аҵарадырра иадҳәалаз ауадаҩрақәа ари ала инымҵәеит, иара 1847 шықәсазы аинститут аанижьуеит, азанааҭ ҳәа акагьы имоуӡакәан.
Абри ашьҭахь Толстои иӡбоит иҭаацәа рыҩнахьы дгьежьырц, афермертә ус инапалакразы. Аха, иара абрагьы изамуит, избанзар, иара еснагь Урыстәыла ақалақьқәа лассы-лассы дырҭаауан.
Аха, абас шакәызгьы, Толстои аихьӡарақәа иман – иара еснагь амшынҵа иҩуан. Ари аҟазшьа ауп иара ашәҟәыҩҩра дадзыԥхьалаз, ароманқәеи аповестқәеи раԥҵара ҵаҵӷәыс иаиуз, иара убасгьы иаԥхьаҟатәи иԥсҭазааратә мҩа ҳәаақәызҵаз.<ref>https://24smi.org/celebrity/4022-lev-tolstoi.html</ref>
== Арратә маҵзура ==
Ҳәарада, Лев Толстои ахобби иман. Иара даара бзиа ибон амузыка. Иреиӷьишьоз композиторцәан [[Бах, Иоганн Себастиан|Бах]], [[Гендель, Георг Фридрих|Гендель]], [[Шопен, Фридерик|Шопен]]. Инысмҩа аҟны ишазгәаҭоу ала, Лев Толстои сааҭла [[Моцарт, Вольфганг Амадеи|Моцарт]], Шопен, [[Мендельсон, Феликс|Мендельсон]], [[Шуман, Роберт|Шуман]] уҳәа реиԥш иҟаз раԥҵамҭақәа ароиаль аҟны иаирҳәалар илшон.
Анысмҩа аҟны иара убасгьы иазгәаҭоуп Лев Толстои анырра ӷәӷәа шииҭоз иашьа еиҳабы Николаи. Уи иара диҩызан, насгьы аԥхьаҟа ишәҟәыҩҩхоз изы дымҩақәҵаҩын. Николаи иоуп зашьеиҵбы арратә маҵзурахьы [[Кавказ]]ҟа дназыԥхьаз. Уи иабзоураны Лев Толстои иункерхоит, 1854 шықәсазы [[Севастополь]]ҟа диаган, уа иара далахәын [[Ҟрымтәи аибашьра]], нанҳәамза 1855 шықәсанӡа.<ref>https://histrf.ru/lichnosti/biografii/p/tolstoi-liev-nikolaievich</ref>
== Толстои иҟазара ==
Аррамаҵзура ахысра аан Лев Николаи-иԥа иҭацәыз аамҭа рацәаны иман. Ари аамҭазы иаԥиҵоит автобиографиатә повест «Детство», уа даара ҟазарыла иааирԥшит иԥсҭазаара раԥхьатәи ашықәсқәа. Ари аҩымҭа инысмҩа аҩра азын ихҭыс духеит. «Детство» ажурнал «Современник» аҟны акьыԥхь анаба инаркны, Толстои иаразнак деицырдыруа дҟалеит шәҟәыҩҩык иаҳасаб ала.
Аповест убас еиԥш еицырдыруа иҟалеит, Толстои – [[Тургенев, Иван Сергеи-иԥа|И. Тургенев]], [[Островски, Николаи Алексеи-иԥа|Н. Островски]], [[Гончаров, Иван Александр-иԥа|И. Гончаров]] реиԥш иҟаз усҟантәи аамҭазтәи ашәҟәыҩҩцәа дрываргыланы ихьӡ рҳәо аҟынӡа. Абри ашьҭахь Лев Толстои анаҩстәи иповест «Казаки» аԥиҵоит. Уаҟа иара Кавказ иҟазаара аантәи ирратә ԥсҭазаара далацәажәоит. Арҭ аҩымҭақәа рыҩра 1862 шықәсанӡа дадхалеит, аррамаҵзура анихига анаҩс ауп ианхиркәшаз. Аинтерес зҵоу фактуп, Толстои [[Ҟрымтәи аибашьра]] даналахәызгьы икалам ахьышьҭеимҵаз, усҟангьы иара дыҩуан.
Ари аамҭа иалагӡаны иаԥҵан аповест «Отрочество», «Детство» иацызҵоз, насгьы «Севостопольтәи ажәабжьқәа». Ҟрымтәи аибашьра ашьҭахь Толстои аррамаҵзура ааныжьны иҩныҟа дгьежьуеит. Усҟан иара еицырдыруаз шәҟәыҩҩхахьан.<ref>http://russkay-literatura.ru/analiz-tvorchestva/62-tolstoj-ln-russkaya-literatura/326-nachalo-literaturnoj-deyatelnosti.html</ref>
Толстои иқәыԥшра ашықәсқәа рзы даара иԥагьаз аӡә иакәын, уи имшынҵаҟны иҩыз анҵамҭақәа даара ирныԥшуеит. Иара мап ацәикуан изакәызаалак философиатә школк ихы адҳәалара, зынгьы санархиступ ҳәа рылеиҳәахьан, уи ашьҭахь 1857 шықәса рзы иӡбоит [[Франциа]]ҟа ацара. Азныказ Толстои азарттә хәмаррақәа дырчычоит. Аха уи иаарласны иаанижьуеит, имазара зегьы данаҵаха, уи ашьҭахь Европантәи иҩныҟа дгьежьыр акәхоит.
Акыр ауадаҩрақәа шихигазгьы, илшоит аҵыхәтәантәи, инысмҩа ахԥатәи ахәҭа «Юность» аҩра. Ари ахҭыс ҟалеит 1857 шықәсазы. 1862 шықәса инаркны Толстои далагоит апедагогигатә журнал «Ясная Поляна» аҭыжьра, усзуҩы хадас иара ихаҭа дызмаз. Аха 12 номер заҵәык рҭыжьра ауп илшаз, ари аус игәы ахьахшәаз азы.<ref>http://www.l-tolstoy.ru/page_12.php</ref>
== Лев Толстои иҭаацәа ==
Цәыббрамза 23, 1862 шықәсазы Толстои инысмҩа аҟны акыр аиҭакрақәа ҟалеит: иара ԥҳәысс дигоит Софиа Андреи-иԥҳа Берс, аҳақьым иԥҳа. Ари аҭаацәараҟны ииуеит жәҩык аԥацәеи ԥшьҩык аԥҳацәеи. Жәахаҩык ахәыҷқәа рахьтә хәҩык ишхәыҷӡаз рыԥсҭазаара иалҵуеит.
Софиа Андреи-иԥҳа хаҵа данцоз 18 шықәса лхыҵуан, Лев Толстои – 34 шықәса. Абри аамҭазы Толстои насыԥ змоу иакәны ихы иԥхьаӡон. Иара иԥҳәыс илыбзоураны иматериалтә ҭагылазаашьагьы бзиахоит. Адунеитә азхаҵарагьы иоууеит иаԥиҵаз иҩымҭақәа ирыбзоураны.<ref>[http://tolstoy-lit.ru/tolstoy/bio/semya-tolstogo.htm Семья Л. Н. Толстого], tolstoy-lit.ru. [цит. 2026-11-04]</ref>
Иԥҳәыс илыбзоураны диоуит иусқәа зегьы рҟны ицхраауаз, иҩымҭақәа раԥҵара аҟни идгылоз ауаҩы. Амаӡаныҟәгаҩ иҟамзаара иахҟьаны Лев иԥҳәыс Софиа лакәын иҩымҭақәа хызҩылаауаз. Аха нас дара аҳәоуеиқәымшәара рыбжьалоит, урҭ аилибамкаарақәа ашықәсқәа цацыԥхьаӡа еиҳа-еиҳа иуадаҩхон, рышьаҭақәа рҳауан. Аилибамкаара зыхҟьаз, Лев Толстои иҭаацәа рзын ишьақәиргылаз аплан инақәыршәаны, идырҳауаз ахәҭак рзыршалар акәын арыцҳацәеи ашколқәеи.
Насгьы, иҭаацәа рыԥсҭазаара даара армариара дашьҭан, иара иҭахын еиҳа зыхә мариоу амаҭәақәа, афатә аархәаларц, имыцхәуп ҳәа ииԥхьаӡоз – афортепиано, аҩнымаҭәа, аекипаж зегьы ҭины ауаа ирзишарц.
Ҳәарада, ас еиԥш аплан иԥшәмаԥҳәыс Софиа Андреи-иԥа дақәшаҳаҭмызт. Абри иахҟьеит дара раԥхьатәи нышәашьа змамыз рҭыӡшәагьы, Софиа лыхшара аԥхьаҟатәи рԥеиԥш даҽакала илбон.
1892 шықәсазы Толстои имаз зегьы иԥҳәыси ихәыҷқәеи ириҭоит, иԥҳәыси иареи 48 шықәса ишеицынхозгьы.<ref>https://uznayvse.ru/znamenitosti/biografiya-lev-tolstoy.html</ref>
== Толстои иаԥҵамҭақәа ==
Толстои даара лҵшәа бзиала аус зуаз шәҟәыҩҩуп. Иара иаԥҵамҭақәа рымҽхак дууп, ҵакылагьы, шәагаалагьы. Зегь реиҳа аларҵәара зауз аԥҵамҭақәоуп «Воина и Мир», «Анна Каренина», «Воскресение».
=== Война и Мир ===
1860-тәи ашықәсқәа рзы Лев Николаи-иԥа Толстои иҭаацәеи иареи Иаснаиа Полиана инхон. Иара аброуп адунеи ахьабаз еицырдыруа ароман «[[Воина и Мир]]». Раԥхьа ароман ахәҭак кьыԥхьын «Русский вестник» аҟны, «1805 шықәса» ҳәа ахьӡ аҭаны.
Хышықәса ааҵуаны икьыԥхьын ароман ахқәа даҽа хԥа, уи алагьы ихыркәшан, ари ароман Толстои ирҿиараҟны иаарылукаауа иҟалаз хҭысуп. Акритикцәа, ауаажәларра даара иахцәажәон ароман «Воина и Мир». Урҭ ароман аҟны иаарԥшыз [[Наполеон Бонапарт|Наполеон]] иеибашьрақәа еимактәыс ирыман.
Иара убасгьы, ирылацәажәон ихыҭҳәааз ароман афырхацәа. Ароман аҟны даара аинтерес цәырыргеит иалагалаз асатиратә ессеқәа, аҭоурых, азакәанқәа ртәы еиҭазҳәоз.
Егьырҭ аидеиақәа инарҷыданы Лев Толстои иҭахын аилазаара аҟны ауаҩы иҭагылазаашьа, насгьы аԥсҭазаара ҵакыс иамоу атәы аԥхьаҩ иҟынӡа анагара.<ref>{{Cite web |url=http://tolstoy-lit.ru/tolstoy/kritika-o-tolstom/rabota-tolstogo-nad-rukopisyami-vojny-i-mira.htm |title=Лев Николаевич Толстой - Работа Толстого над рукописями Войны и Мира |access-date=2024-01-26 |archive-date=2023-11-07 |archive-url=https://web.archive.org/web/20231107230327/http://tolstoy-lit.ru/tolstoy/kritika-o-tolstom/rabota-tolstogo-nad-rukopisyami-vojny-i-mira.htm |url-status=dead }}</ref>
=== Анна Каренина ===
Лев Толстои «Воина и Мир» анаԥиҵа ашьҭахь, аҩбатәи ироман аҩра далагеит, уигьы даара ауаа ирылаҵәаз романуп, уи «[[Анна Каренина]]» акәын. Ари ароман иагәылагылоуп акыр автобиографиатә очеркқәа. Уи гәаумҭарц залшом «Анна Каренина» аперсонаж хадацәа Киттии Левини реизыҟазаашьақәа уанрыхәаԥшуа.
Ари аромангьы хәҭа-хәҭала ауп акьыԥхь шабаз, 1873 шықәса инаркны 1877 шықәсанӡа иркьыԥхьуан, акритикцәа ракәзар, даара ахәшьара ҳаракы арҭеит, ауаажәларрагьы иргәаԥхеит. Аӡәырҩы игәарҭон «Анна Каренина» – ари Толстои иавтобиографиа шакәыз, ахԥатәи ахаҿала иҩыз. Ари иусумҭазы Лев Толстои даара иҳаракыз, усҟантәи аамҭазы, агонорарқәа иоуит.<ref>{{Cite web |url=http://tolstoy-lit.ru/tolstoy/kritika-o-tolstom/istoriya-anny-kareninoj/istoriya-anny-kareninoj.htm |title=История Анны Карениной |access-date=2024-01-26 |archive-date=2022-06-23 |archive-url=https://web.archive.org/web/20220623004556/http://tolstoy-lit.ru/tolstoy/kritika-o-tolstom/istoriya-anny-kareninoj/istoriya-anny-kareninoj.htm |url-status=dead }}</ref>
=== Воскресение ===
1880-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы Толстои ароман «Воскресение» иҩуеит. Уи асиужет шьаҭас иаман иҟаҵәҟьаз аӡбаратә ус. Ари ароман аҟны даара иубарҭоуп автор ауахәама аҵасқәа дшырзыҟаз.
Абра иуҳәар ҟалоит ари аҩымҭа аграф Толстоии Аиашахаҵаратә уахәамеи еиԥырнагеит ҳәа.<ref>{{Cite web |url=http://tolstoy.lipetsk.ru/gosudarstvenny-museum-l-n-tolstogo/lev-tolstoj-v-1880-1900-x-gg-o-romane-voskresene/ |title=Лев Толстой в 1880-1900-х гг. О романе “Воскресенье” |access-date=2024-01-26 |archive-date=2021-11-29 |archive-url=https://web.archive.org/web/20211129232249/http://tolstoy.lipetsk.ru/gosudarstvenny-museum-l-n-tolstogo/lev-tolstoj-v-1880-1900-x-gg-o-romane-voskresene/ |url-status=dead }}</ref>
== Толстоии адинхаҵареи ==
Хыхь зыӡбахә ҳәоу аԥҵамҭақәа акыр алаҵәара бзиа шроузгьы, ашәҟәыҩҩы уи гәырӷьара изаанамгеит. Иара адепрессиа ӷәӷәа иман, ҩныҵҟала дҭацәушәа ихы ибон. Абри инамаданы, иара аԥсҭазаара аҵакы аԥшаара дашьҭалоит. Раԥхьа Лев Толстои изҵаарақәа рҭакқәа [[Аиашахаҵаратә уахәама]] аҟны дашьҭалоит, аха уи лҵшәа ҳәа акагьы аанамышьҭит. Аамҭа цацыԥхьаӡа иара еиҳа- еиҳа Аиашахаҵаратә уахәама акритика азиуа далагоит, акритика азиуан иара ақьырсиантә динхаҵара зегьы. Арҭ иҵарыз азҵаарақәа рзы иара ихшыҩҵакқәа аҭыжьымҭа «Посредник» аҟны икьыԥхьуа далагеит.<ref>http://tolstoy.ru/creativity/publicism/991/</ref>
Иара ихадараз ипозициа зызкыз уи акәын, ақьырсиантә ҵара бзиоуп, аха Иисус Христос абра даҭахымшәа ибон. Убри аҟынтә, Лев Толстои Аԥшьаҩыра ихала аиҭагара иҽазишәоит. Толстои идинхаҵаратә дунеихәаԥшра даара иуадаҩын, еилаԥаҭан. Ара ақьырсианреи абуддизми еилаӡҩон, урҭ зегьы ирныԥшуан мрагыларатәи адинхаҵарақәагьы.
1901 шықәсазы аграф Лев Толстои изы Иԥшьоу Анапхгараҭаратә Синод аилыркаара ҭнажьит. Ари аилыркаара аҟны иҳәан Лев Толстои уаҳа Аиашахаҵаратә уахәама дшалахәылам, избанзар уи иқәгыларақәеи игәаанагарақәеи ауахәама адыррақәеи еинаалашьа рымам ҳәа азгәаҭаны.<ref>{{Cite web |url=http://pereprava.org/culture/3250-religiya-tolstogo-otluchenie.html |title=Религия Толстого. Отлучение |access-date=2024-01-26 |archive-date=2024-01-26 |archive-url=https://web.archive.org/web/20240126115131/http://pereprava.org/culture/3250-religiya-tolstogo-otluchenie.html |url-status=dead }}</ref>
== Толстои ихьшәаз ирҿиара ==
Ихьшәаз Толстои иҩымҭақәа иаадырԥшуан ареалисттә беллетристика, иара убасгьы ацәаҩашәа ҵакы змаз ажәабжьқәа. 1886 шықәсазы еицырдыруа иҟалаз повестхеит «Смерть Ивана Ильича».
Уи афырхаҵа хада еиликаауеит иԥсҭазаара аиҳарак зегьы баша ишихысыз, аха уи аилкаара аниоу аамҭа цахьан. 1898 шықәсазы Лев Николаи-иԥа иҩуеит убасгьы еицырдыруа иҟалаз аԥҵамҭа «Отец Сергии». Уа акритика рзиуеит акыр адунеихәаԥшышьақәа, идоуҳатә еиҭеира ашьҭахь изцәырҵыз.
Егьырҭ иусумҭақәа зызку аҟазара атема ауп. Урҭ рахь иаҵанакуеит апиеса «Живои труп» (1890), аповест «Хаджи- Мурат» (1904). 1903 шықәсазы Лев Толстои ажәабжь хәыҷы иҩит, уи иахьӡын «После бала». Акьыԥхь абеит 1911 шықәсазы, ашәҟәыҩҩы даныԥсы аамышьҭахь.<ref>{{Cite web |url=https://www.culture.ru/persons/8211/lev-tolstoi |title=Персона Лев Толстой |access-date=2024-01-26 |archive-date=2021-10-27 |archive-url=https://web.archive.org/web/20211027072809/https://www.culture.ru/persons/8211/lev-tolstoi |url-status=dead }}</ref>
== Лев Толстои иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи ашықәсқәа ==
Иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Лев Толстои еиҳа деицырдыруан, адинхаҵаратә ԥхьагылаҩк иаҳасаб ала. Иара ихәыцрақәа ззырхаз амч ахархәара амҭакәа ацәгьара аҿагылара акәын.
Иԥсы анҭаз иара ҿырԥшыгас дроуеит аӡәырҩы аурыс жәлар рхаҭарнакцәа. Аха, ус шакәызгьы, иара иҭаацәаратә ԥсҭазаараҟны акыр аилибамкаарақәа аҭыԥ рыман, урҭ аамҭа цацыԥхьаӡа еиҳагьы иҵархоит. Алитератор иԥшәмаԥҳәыс Софиа Андреи-иԥҳа лхаҵа идунеихәаԥшышьа ицеиҩылшомызт, уи ишьҭра иқәыз аӡәырҩы лбар ҟалаӡомызт, лассы – лассы Иаснаиа Полианаҟа иаауаз. Лара илҳәон: «Ауааԥсыра бзиа башьас ирымоузеи, уааигәа иҟоу бзиа ианумбо аамҭазы!».
Ари аҭагылазаашьа нҵәара ақәымкәа, ас акраамҭа цашьа ауамызт аҟынтә, 1910 шықәсазы Лев Толстои ихатәҳақьым Д. П. Моковицки диманы зынӡа ҳәа Иаснаиа Полиана аанижьуеит, даҽакала иуҳәозар, ари ишьақәгылаз аҭагылазаашьаҟны бналаран, уаҳа ԥсыхәа ыҟамызт, уи аҭыԥ аман жьҭаарамза 28 ауха.<ref>http://www.l-tolstoy.ru/poslednie_gody.php</ref>
== Толстои иԥсра ==
Лев Толстои «ибналара» аан амҩа дшықәыз игәы рахәымкәаны ибо далагеит. Раԥхьа иара ахьҭа илалеит, анаҩс агәаҵәыхь ичаԥеит, уи иахҟьаны Лев Толстои адәыӷба дҭыган раԥхьатәи станциа дук аҟны.
Ари астанциа Астапово ахьӡын (иахьа [[Липецктәи аобласт]]). Ашәҟәыҩҩы ичымазара атәы иаразнак зегьы ирылаҵәеит. Фҩык аҳақьымцәа уи иеиқәырхаразы ирылшоз зегьы ҟарҵон, аха ачымазара рзаанымкылеит. Абҵарамза 7, 1910 шықәсазы Лев Николаи-иԥа Толстои, 83 шықәса дшырҭагылаз, иԥсҭазаара далҵит. Анышә дамардеит Иаснаиа Полиана.
Агазеҭқәа рҟны акәзар, ирнылеит аимператор Николаи II ирезолиуциа, Лев Николаи-иԥа Толстои иԥсҭазаара алҵразы Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр иажәахә шьаҭас иҟаҵаны.<ref>http://russkay-literatura.ru/analiz-tvorchestva/62-tolstoj-ln-russkaya-literatura/333-smert-tolstogo.html</ref>
== Аинтерес зҵоу афактқәа ==
* Лев Толстои деицырдыруеит даара аҵакы змоу аԥҵамҭақәа рыла мацара акәымкәа. Уи иҩит, иара убасгьы, «Азбука», насгьы «Аԥхьаразы ашәҟәы» ахәыҷқәа рзын;
* Зегьреиҳа аҵакы змаз аԥҵамҭа «Воина и Мир» Толстои рацәак бзиа ибомызт, «многословная дребедень» ҳәа азиҳәон;
* Лев Николаи-иԥа аамсҭатә титул аграф ҳәа ихҵан;
* Лев Толстои амаца ахәмарра бзиа ибон. Еснагь даара иҽазҵәылхны дыхәмаруан, аха даҵахон, уи ифинансттә ҭагылазаашьа акыр ианыԥшуан;
* Толстои Шекспир иҟазара, драматургк иаҳасаб ала, даара акритика азиуан, «Шекспири адрамеи» захьӡыз аочеркгьы икьыԥхьит, уа иара Шекспир иҩымҭақәа еилырганы дрыхцәажәеит;
* Толстои иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь иара иҭынхеит иԥҳәыси жәаҩык ахшареи.<ref>{{Cite web |url=https://100-faktov.ru/xx-interesnyx-faktov-iz-zhizni-lva-tolstogo/ |title=100 интересных фактов из жизни Льва Толстого |access-date=2024-01-26 |archive-date=2024-01-26 |archive-url=https://web.archive.org/web/20240126115131/https://100-faktov.ru/xx-interesnyx-faktov-iz-zhizni-lva-tolstogo/ |url-status=dead }}</ref>
==Азгәаҭақәа==
{{reflist}}
{{Авторитет змоу адыррақәа}}
[[Акатегориа:Цәыббрамза 9 рзы ииз]]
[[Акатегориа:1828 шықәсазы ииз]]
[[Акатегориа:Абҵарамза 20 рзы иԥсыз]]
[[Акатегориа:1910 шықәсазы иԥсыз]]
[[Акатегориа:Лев толстои| ]]
[[Акатегориа:19-тәи ашәышықәсазтәи Урыстәылатәи аимпериа аҟынтәи адраматургцәа]]
[[Акатегориа:19-тәи ашәышықәсазтәи аиашахаҵаратә қьырсианцәа]]
[[Акатегориа:19-тәи ашәышықәсазтәи Урыстәылатәи аимпериа аҟынтәи арҵаҩцәа]]
[[Акатегориа:19-тәи ашәышықәсазтәи аессеистцәа]]
[[Акатегориа:19-тәи ашәышықәсазтәи Урыстәылатәи аимпериа аҟынтәи ажурналистцәа]]
[[Акатегориа:19-тәи ашәышықәсазтәи Урыстәылатәи аимпериа аҟынтәи ашәҟәыҩҩцәа]]
[[Акатегориа:19-тәи ашәышықәсазтәи Урыстәылатәи аимпериа аҟынтәи исахьаркыратәым алитература ашәҟәыҩҩцәа]]
[[Акатегориа:19-тәи ашәышықәсазтәи Урыстәылатәи аимпериа аҟынтәи ароманистцәа]]
[[Акатегориа:19-тәи ашәышықәсазтәи Урыстәылатәи аимпериа аҟынтәи афилософцәа]]
[[Акатегориа:19-тәи ашәышықәсазтәи Урыстәылатәи аимпериа аҟынтәи ажәабжьқәа рышәҟәыҩҩцәа]]
[[Акатегориа:Анархистцәа]]
[[Акатегориа:20-тәи ашәышықәсазтәи аиашахаҵаратә қьырсианцәа]]
[[Акатегориа:20-тәи ашәышықәсазтәи Урыстәылатәи аессеистцәа]]
[[Акатегориа:20-тәи ашәышықәсазтәи Урыстәылатәи адраматургцәа]]
[[Акатегориа:20-тәи ашәышықәсазтәи Урыстәылатәи арҵаҩцәа]]
[[Акатегориа:20-тәи ашәышықәсазтәи Урыстәылатәи ажурналистцәа]]
[[Акатегориа:20-тәи ашәышықәсазтәи Урыстәылатәи ароманистцәа]]
[[Акатегориа:20-тәи ашәышықәсазтәи Урыстәылатәи афилософцәа]]
[[Акатегориа:20-тәи ашәышықәсазтәи Урыстәылатәи ажәабжьқәа рышәҟәыҩҩцәа]]
[[Акатегориа:Анархисттә шәҟәыҩҩцәа]]
[[Акатегориа:Анархо-пацифистцәа]]
[[Акатегориа:Урыстәылатәи аимпериа аҟынтәи аҟазара акритикцәа]]
[[Акатегориа:Урыстәылатәи аимпериа аҟынтәи ахәыҷтәы шәҟәыҩҩцәа]]
[[Акатегориа:Ақьырсиантә анархистцәа]]
[[Акатегориа:Ақьырсиантә романистцәа]]
[[Акатегориа:Ақьырсиантә вегетарианцәа]]
[[Акатегориа:Петербургтәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа алахәыла-корреспондентцәа]]
[[Акатегориа:Урыстәылатәи аимпериа аграфцәа]]
[[Акатегориа:Аиашахаҵаратә шәҟәыҩҩцәа]]
[[Акатегориа:Аепистемологцәа]]
[[Акатегориа:Урыстәылатәи аимпериа аҟынтәи аессеистцәа]]
[[Акатегориа:Сербиатәи аҭҵаарадыррақәеи аҟазареи ракадемиа аҳәаанырцәтәи алахәылацәа]]
[[Акатегориа:Џьорџьистцәа]]
[[Акатегориа:Петербургтәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ҳаҭыр зқәу алахәылацәа]]
[[Акатегориа:Урыстәылатәи аимпериа аҟынтәи алитературатә критикцәа]]
[[Акатегориа:Сербиатәи аҭҵаарадыррақәеи аҟазареи ракадемиа алахәылацәа]]
[[Акатегориа:Аметафизикцәа]]
[[Акатегориа:Амч ахархәара злам адгылаҩцәа]]
[[Акатегориа:Аонтологцәа]]
[[Акатегориа:Урыстәылатәи аиашахаҵаратә уахәама иалцоу ауаа]]
[[Акатегориа:Урыстәылатәи аимпериа аҟынтәи афилантропцәа]]
[[Акатегориа:Урыстәылатәи аимпериа аҟынтәи афилософцәа]]
[[Акатегориа:Акультура афилософцәа]]
[[Акатегориа:Аҵара афилософцәа]]
[[Акатегориа:Аҭоурых афилософцәа]]
[[Акатегориа:Алитература афилософцәа]]
[[Акатегориа:Ахшыҩ афилософцәа]]
[[Акатегориа:Урыстәылатәи адинхаҵаратә философцәа]]
[[Акатегориа:Урыстәылатәи аполитикатә философцәа]]
[[Акатегориа:Аурыс бызшәала иҩуа ашәҟәыҩҩцәа]]
[[Акатегориа:Урыстәылатәи анархистцәа]]
[[Акатегориа:Урыстәылатәи ақьырсиантә пацифистцәа]]
[[Акатегориа:Урыстәылатәи аесперантистцәа]]
[[Акатегориа:Урыстәылатәи аҭоурыхтә романистцәа]]
[[Акатегориа:Кавказтәи аибашьраан Урыстәылатәи аруаа]]
[[Акатегориа:Ҟрымтәи аибашьраан Урыстәылатәи аруаа]]
[[Акатегориа:Урыстәылатәи апублицистцәа]]
[[Акатегориа:Урыстәылатәи авегетарианра активистцәа]]
[[Акатегориа:Армариара адгылаҩцәа]]
[[Акатегориа:Асоциалтә философцәа]]
[[Акатегориа:Толстоиаа]]
[[Акатегориа:Атолстоианцәа]]
[[Акатегориа:Урыстәылатәи аимпериа аҟынтәи аиҭагаҩцәа]]
[[Акатегориа:Активизми ауаажәларратә ԥсахрақәеи ирызку ашәҟәыҩҩцәа]]
kecsvlejoqrc46gxeq77nacw4e91p50
176291
176290
2026-11-04T22:53:40Z
InternetArchiveBot
15973
Rescuing 0 sources and tagging 1 as dead. #IABot (v2.0.9.6)

Софиа Андреи-иԥҳа хаҵа данцоз 18 шықәса лхыҵуан, Лев Толстои – 34 шықәса. Абри аамҭазы Толстои насыԥ змоу иакәны ихы иԥхьаӡон. Иара иԥҳәыс илыбзоураны иматериалтә ҭагылазаашьагьы бзиахоит. Адунеитә азхаҵарагьы иоууеит иаԥиҵаз иҩымҭақәа ирыбзоураны.<ref>[http://tolstoy-lit.ru/tolstoy/bio/semya-tolstogo.htm Семья Л. Н. Толстого] {{Анеишьа_амам_азхьарԥш|date=November 2026 |bot=InternetArchiveBot |fix-attempted=yes }}, tolstoy-lit.ru. [цит. 2026-11-04]</ref>

9bgln6gmcnj58nbueuy65o6elvf54s1
Акатегориа:Атолстоианцәа
14
57912
176285
176252
2026-11-04T19:19:10Z
Fraxinus.cs
8381
Удaлeнa [[Акатегориа:Адинтә ҵысра ҿыцқәа рыдгылаҩцәа]]; Дoбaвлeнa [[Акатегориа:Адинхаҵара ҿыцқәа рыдгылаҩцәа]] [[ВП:HC|HotCat]] ацхыраарала
176285
wikitext
text/x-wiki
{{Commonscat|Tolstoyans}}
{{cat main|Атолстоианра}}
{{DEFAULTSORT:толстоианцәа}}
[[Акатегориа:Атолстоианра| толстоианцәа]]
[[Акатегориа:Амч ахархәара злам адгылаҩцәа]]
[[Акатегориа:Ақьырсиантә пацифистцәа]]
[[Акатегориа:Анархо-пацифистцәа]]
[[Акатегориа:Армариара адгылаҩцәа]]
[[Акатегориа:Адинхаҵара ҿыцқәа рыдгылаҩцәа]]
57pgofuxpu6wb6v3er92oo8magfdjd4
Акатегориа:Адинҵас ацәхьаҵра
14
57918
176276
176260
2026-11-04T19:08:22Z
Fraxinus.cs
8381
±[[Акатегориа:Адин аҿы ацәгьоурақәа]]→[[Акатегориа:Адин аҿы ацәгьаурақәа]]; ±[[Акатегориа:Ацәажәаратә цәгьоурақәа]]→[[Акатегориа:Ацәажәаратә цәгьаурақәа]] [[ВП:HC|HotCat]] ацхыраарала
176276
wikitext
text/x-wiki
{{Commonscat|Heresy}}
{{Cat main}}
{{DEFAULTSORT:динҵас ацәхьаҵра}}
[[Акатегориа:Адиссидентра]]
[[Акатегориа:Адинтә философиеи доктринеи]]
[[Акатегориа:Адин иадҳәалоу аимак-аиҿакқәа]]
[[Акатегориа:Адин аҿы ацәгьаурақәа]]
[[Акатегориа:Ацәажәаратә цәгьаурақәа]]
3olrhl6hnk8h8ur4xvenc3ngc0sc7qa
Сократ
0
57920
176264
2026-11-04T15:15:43Z
Nart17
17397
Аиҭагара [[:ru:Сократ]] аҟынтәи (CC BY-SA 4.0; авторцәа — аҭоурых аҿы). Аиҭагаҩ: Астанда Кецба. Nart17 translation team.
176264
wikitext
text/x-wiki
{{Акарточка афилософ
| афото = Socrates Louvre.jpg
| ахҵара = [[Лисипп]] иусумҭаз Сократ ибиуст римтәи ахкьыԥхьаа. [[Лувр]], [[Париж]]
| аира арыцхә = ҳ. ҟ. 469 инарзынаԥшуа
| аира аҭыԥ = [[Древние Афины|Афины]]
| аԥсра арыцхә = ҳ. ҟ. 399 инарзынаԥшуа (70 шықәса)
| аԥсра аҭыԥ = [[Древние Афины|Афины]]
| атәыла = [[Древние Афины|Афины]]
| ашкол = [[Греческая философия|аклассикатә]] бырзен философиа, асократтә
| аинтерес хадақәа = [[эпистемология|аепистемологиа]], [[этика|аетика]]
| анырра ҟазҵаз = Сократ иаԥхьатәи афилософцәа, [[софисты|асофистцәа]]
| анырра зхызгаз = [[Платон]], [[Ксенофонт]], [[Аристотель]], асократтә [[сократические школы|школқәа]], [[стоики|астоикцәа]] уб.иҵ.
}}
'''Сократ''' (ажә. бырз. Σωκράτης; ҳ. ҟ. 469 ш инарзынаԥшуа, [[Древние Афины|Афины]] — ҳ. ҟ. 399 ш, [[Древние Афины|Афины]]) — ажәытә бырзен [[философ]].
Иара иҵара ажәытәӡатәи абырзенцәа рфилософиа «Сократ иаԥхьатәии», «Сократ ихааназтәии» аамҭақәа ҳәа еихнашеит. Акосмос ашьақәгылареи, иааидкыланы иҟоу-иану зегьи рызҵаарақәа ирызҿлымҳаз уаанӡатәи афилософцәа реиԥш акәымкәа, Сократ ауаҩы иҩнуҵҟатәи идунеи ҭиҵаауа далагеит. Сократи, уи иҵареи еиуеиԥшым [[парадокс|апарадоксқәа]] рыдҳәалоуп. Урҭ иреиуоуп ҳаамҭазтәи аҵарауаа Сократ иҵаразы инҭкааны, ииашаны акгьы ахьырзымдыруа. Иара убри аан Сократ ихьӡ иадҳәалоу афилософиа аҿиара ахырхарҭа аҽшаԥсахызгьы ҩашьом.
Антикатә традициа излаҳәо ала, Сократ иԥсҭазаара акыр ианырит [[Дельфы|Дельфиатәи]] [[Пифия|апифиа]] иаԥхьаҟа иҟалаша ахьылҳәаз. [[Аполлон]] иныхаԥааҩ, ауаа зегь рыбжьара зегь реиҳа иҟәыӷоу Сократ иоуп -ҳәа «анцәа иажәақәа еиҭалҳәеит». Уи ашьҭахь Сократ аҟәыӷара иазку ицәажәарақәа анцәахәы имаҵ аура иадикыло далагеит. Ахәыҷқәа рааӡареи, абзазара иадҳәалоу ауадаҩрақәа рыӡбареи зықәшәаз Сократ иԥшәмаԥҳәыс [[Ксантиппа]] ари аҩыза аҭагылазаашьа лгәамԥхомызт. Лыхьӡ аҳәса ҭыӡшәаҟаҵаҩцәа зегьы рзы изеиԥш хьыӡны иҟалеит.
Афины ауаажәларра Сократ иахь ирымаз азыҟазаашьа еиԥшымызт. Џьоукы рзы уи дҟәыӷа дуун, даҽа џьоукых рзы — аҿар мҩахызҟьо, анцәақәа ҳаҭыр рықәзымҵо, знапы цқьамыз аҳәашгаш иакәны дыҟан. 423 шықәсазы [[Аристофан]] асценаҿы «Аԥсҭҳәақәа » захьӡыз акомедиа ықәиргылеит, уаҟа гәаӷшақә Сократ дихыччеит. 399 шықәсазы афилософ иус аӡбарҭа иарҭеит. Ахарадҵара азеиԥш формула абас иҟан: «Сократ ақалақьуаа ҳаҭыр зқәырҵо анцәақәа ҳаҭыр рықәиҵом, анцәахә ҿыцқәа алеигалоит, арԥыс қәыԥшцәа бжьихуеит» ҳәа. Сократ иҵаҩцәа [[Алкивиад]], [[Критий|Критиа]] уб.егьырҭгьы рхымҩаԥгашьазы ахара иара идырҵон. Афины атәылауаа, [[Спарта]] иаҿагыланы [[Пелопоннесская война|Пелопоннесстәи]] аибашьраҿы иахьаҵахази, «Ҩажәижәаҩык атиранцәа» ршьаарҵәыратә напхгареи, урҭ рыхьӡқәа рыдырҳәалон. Аҽеиӷьтәра аҽазышәара, иаԥсоу ауаҩы иаԥсам иаҵкыс аԥыжәара иҭара, ажәлар рымчра аԥкра, азакәанқәа рықәныҟәара азԥхьагәазҭоз Сократ ифилософиа аполитикцәа-адемагогцәа иргәаԥхомызт. Сократ иус рыӡбон усҟан истандартыз апроцедурала. Антикатә традициа инақәыршәаны, Сократ аӡбарҭаҿы ахара идуп ҳәа ихы шимыԥхьаӡо атәы иҳәеит, ихымҩаԥгашьазы ахьырхәра акәымкәа, афинианин изы иреиҳау аҳаҭыр дшаԥсоу — [[Пританей|апританеи]] аҿы хәыда-ԥсада ашьыбжьхьафара атәы азгәеиҭеит. Уи ашьҭахь афилософ ашьра иқәырҵеит. Платон ишиҳәо ала, иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи амш Сократ иҵаҩцәа дрыгәҭылакны ихигеит. Иара адунеи ахаан амԥсреи, ауаҩы данԥслак ашьҭахь аԥсы илахьынҵеи ирызкыз ацәажәарақәа рыла иҵаҩцәа ргәы ирҭынчуан.
Сократ иҵаҩцәа рыхьӡқәа ирыдҳәалоуп ишиашоу еиҿагылаз агәаанагарақәа змаз философиатә школқәа рцәырҵра. Ҿырԥштәыс иааҳгозар, [[Аристипп]] [[Киренаики|акиренаикцәа]] [[Гедонизм|агедонистцәа]] рышкол ашьаҭаркҩыс дҟалеит, [[Антисфен]] — аматериалтә мазара мап рцәызкуаз [[Киники|акиникцәа]] рышкол. [[Платон]] дназлаз иҵаҩцәа реиҳараҩык рырҵаҩы нцәахәыс дҟарҵеит. Сократ ихаҭа иакәзар, сҟәыӷоуп ҳәа ихы иԥхьаӡомызт. Афилософ иеилкаара инақәыршәаны иҟәыӷара иаанарԥшуаз «акгьы шизымдыруа ахьидыруаз» акәын. Сократ иԥсҭазаара хықәкыс иамаз аиаша аԥшаара акәын, уи иҵаҩцәеи иареи реицәажәарақәеи афилософиатә еимак-еиҿакқәеи раан аԥшаара дашьҭан.
Азқьышықәсақәа анҵгьы Сократ ихаҭарахьы азҿлымҳара мыӡӡеит. Еиуеиԥшым аепохақәа раан, антикатәи аамҭазы еиԥш, иара еиҿагыло ахаҿсахьа изынханы иҟан. XIX ашәышықәса инаркны аҵарауаа-антикаҭҵааҩцәа рыҩныҵҟа ииашаҵәҟьаны Сократ дзеиԥшрааз, «ииашоу» Сократ дышԥаҟаз ҳәа аимак-аиҿак рымоуп. Антикатәи ахыҵхырҭақәа акырӡа еиҿагылоит аҟынтә, ари азҵаара хьаҳәа-ԥаҳәарада аҭак ҟарҵаӡом. « Ииашаҵәҟьоу Сократ иԥшаара» апроблема «Сократ изҵаара» ҳәа ахьӡ аиуит, XXI ашәышықәса алагамҭазгьы иӡбамкәа иаанхоит.
== Ахыҵхырҭақәа ==
Сократ изку антикатәи ахыҵхырҭақәа еидукылар алшоит урҭ раԥҵара аамҭа азгәаҭаны. Иԥсы анҭаз зегь раԥхьаӡа афилософ хшыҩзышьҭра изызуз [[Аристофан]] иоуп. Ҳара ҳҟынӡа иааӡаз ари адраматург икомедиақәа жәеиза рҟынтәи хԥа рҿы Сократ иӡбахә ҳәоуп, насгьы руак аҿы, «Аԥсҭҳәақәа» рҿы иара анегативтә персонаж хаданы даарԥшуп{{ref+|«Аԥсҭҳәақәа», «Адаӷьқәа», «Аԥсаатәқәа»|к}}. Сократ ихааныз, аха қәрала еиҵбыз [[Ксенофонт|Ксенофонти]] [[Платон|Платони]] рырҵаҩы иӡбахә рыҩуан иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь ажәашықәсақәа рыҩныҵҟа. Абри аамҭа иаҵанакуеит еиқәханы иҟоу [[Эсхин из Сфетта|Есхини]] [[Антисфен|Антисфени]] «асократикцәа маҷқәа» ҳәа изышьҭоу раԥҵамҭақәа рыхәҭақәа, иара убас Сократ иҿагылаз [[Поликрат (софист)|Поликрат]] иажәахәқәа. Сократ иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь 15 шықәса ааҵуаны ииз [[Аристотель]] иҩымҭақәа афилософ иӡбахә ҩажәантә ирнуп. «Сократ иԥсҭазаара» захьӡыз IV ашәышықәса анҵәамҭазтәи [[Аристоксен]] иҩымҭа акыр атенденциатә ҟазшьа амоуп. Уаҟа Сократ даарԥшуп зыԥсы мҭәуа амалырҳаҩ иакәны, аҭыӡшәа зцу, аҽынкылара змам уаҩны, убри аан ари аршаҳаҭга ҳаамҭазтәи аҵарауаа хырҩа арҭаӡом, избанзар уи егьырҭ ахыҵхырҭақәа ирҿагылоит. III ашәышықәса — ҳера III ашәышықәсақәа рзтәи атекстқәа Сократ ибиографиа имаҷу детальқәак рыла ихадырҭәаауеит ауп<ref>Протопопова, 2019, с. 330—331.</ref>.
=== Аристофан ===
[[Афаил:Bust of Aristophanes.jpg|thumb|[[Аристофан]] икомедиақәа рҿы Сократ иҭеиҭыԥши иҵареи аҵәы рылеиҵон. I ашәышықәса [[Герма|агерма]]. [[Галерея Уффици|Уффици агалереиа]], [[Флоренция|Флоренциа]]]]
Сократ ихаҭара ахьаарԥшу зегь реиҳа изаатәиу хыҵхырҭоуп Аристофан иҩымҭа «Аԥсҭҳәақәа». Уи акрызҵазкуа ҷыдарақәак амоуп. Актәи, акомедиа асценаҿы иқәдыргылеит Сократ иԥсы анҭаз. Ҩбагьы, уи ҭоурыхтә, ма философиатә усумҭам, иара Сократ иҵоурам персонаж хаданы дахьыҟоу литературатә рҿиамҭоуп. Раԥхьаӡа акәны акомедиа асценаҿы иқәдыргылеит [[Великие Дионисии|Диониси]] Дуқәа рныҳәаҿы 423 шықәса хәажәкырамза ма мшаԥымзазы. Уи ахԥатәи аҭыԥ ааннакылеит, даҽакала иаҳҳәозар, «ихыбгалеит». Актәи аҭыԥ акомедиазы [[Кратин]] ианаршьеит, Аристофан ишиқәымҿиазгьы «Аԥсҭҳәақәа» иреиӷьу ҩымҭаны иԥхьаӡон. Иахьанӡа иааит апиеса аҩбатәи аверсиа, ҳ. ҟ. 419, 416 ашықәсқәа рыбжьара ииҩыз<ref>Соболевский, 2001, с. 110.</ref><ref>Суриков, 2011, с. 16.</ref>.
Акомедиа алагоит аџьабаа рацәаны избо, икаџьбеиу анхаҩы Стрепсиад ихцәажәарала, уи аԥа мҽеи Фидиппид захьӡу димоуп. Аҽырыҩраҿы иара ауалқәа рацәаны иҟаиҵеит, Стрепсиад зшәара илымшоз. Усҟан иара иҷкәын Сократ «ихәыцырҭақәа рахь» аҵарахьы дишьҭырц иӡбоит, адемагогиатә знеишьақәа иирҵарц азы. Урҭ рыцхыраарала Стрепсиад аӡбарҭақәа рҿы даиааины ауалҳәаҩцәа иԥыригап ҳәа дгәыӷуан. Аԥхьа Фидиппид Сократ иахь аҵарахьы ацара зынӡа мап ацәикит. Убасҟан Стрепсиад ихаҭа афилософцәа рахь дцеит. «Ахәыцырҭақәа» рахь даннеи, агәашәхьча анхаҩы бырг еилиркаауеит Сократ еилирго апроблемақәа ртәы. Урҭ рахьтә иаликааз азҵаара акәны иҟоуп- акәыбрыц абыкь изласуа иарбану, ҟырҟыла акәу, ҵыхәала акәу, иара убас аӡ шаҟа иоуны иԥоу аҳасабра. Стрепсиад Сократ агамак дшантәалаз дихҭыгәлеит. Афилософ «дԥыруа аҳауа даланы, алашарбагақәа рлахьынҵа дазхәыцуеит». Аицәажәараан Сократ «ахәыцырҭақәа рҿы» анцәақәа шазхаимҵо атәы иҳәоит. «Аԥсҭҳәақәа» ишрымҵахырхәо. Стрепсиад аҵаҩра илымҵит, заанаҵы иплашь имхны наҟ дықәырцоит. Фидиппид, иаб диҿурԥшуазар, ақәҿиара дуқәа иоуеит. Иара адемагогиатә знеишьақәа аниҵалак, раԥхьа ауалҳәаҩцәа иԥыригоит, нас асофизмқәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны, иаб «иара ихәарҭаразы» дипҟоит. Згәы еибафоз Стрепсиад Сократ «ихәыцырҭақәа» амца ацреиҵоит. Акомедиа афилософцәа ахьдырхәырц азы ааԥхьарала ихыркәшахоит: ''«Ирылаҵа, ипҟа, урышьҭаз! Амзызқәа рацәоуп, / Ихадоу — урҭ анцәақәа раҳаҭыр ладырҟәуан»''. Сократ ихцәажәараан акомиктә еффект ҟалоит ахыҭҳәааи ареалтә детальқәеи реицааирала. Убас, еиуеиԥшым ахыҵхырҭақәа рҿы иаарԥшуп Сократ [[Палестра|апалестрақәа]] лассы-лассы дшырҭаауаз атәы, насгьы ҭыԥк аҿы ашьхынԥсылара зеиԥшыҟам иҷыдарагьы иалацәажәоит. Аристофан уи афилософ изы иччархәу, длазырҟәуа аган ала дааирԥшуеит. Апалестрақәа рҿы Сократ иплашьқәа иӷьычуеит, ажәҩан данаҵаԥшуаз аамҭазы аинцәыш афилософ иҿы аҟьашьуеит<ref>Суриков, 2011, с. 16—20.</ref>.
Апиеса ауаажәларраҿы Сократ инегативтә хаҿсахьа ашьақәырӷәӷәара иацхрааит. Аристофан афилософ дҭазырхаз ауаажәларратә гәалаҟазаара аԥҵара аус активла далахәын<ref>Зберовский Сократ и афинская демократия, 2007, с. 172.</ref>. Ашьҭахь Сократ анцәахәқәа рҿагылареи, аҿар рыԥхасҭатәреи рзы атеатр асценаҿы акәымкәа, аӡбарҭаҿгьы ахара идырҵеит. Сократ ишьҭанеицәа ргәаанагарала Аристофан иҩымҭа «Аԥсҭҳәақәа» ауаажәларратә гәаанагара ашьақәыргылараҿы акрызҵазкуа ароль нанагӡеит<ref>Рыканцова, 2012, с. 138—139.</ref>.
Аристофан иҟны иаарԥшу Сократ ихаҿсахьа ӷәӷәала иаҿагылоит, Сократ [[Сократический диалог|идиалогқәа]] рҿы иҵаҩцәа иаҳдырбо аҟәыӷа ихаҿсахьа. Иааидкыланы, Сократ «Аԥсҭҳәақәа» рҿы ииашамкәа даарԥшуп. Иара [[Натурфилософия|анатурфилософиа]] инапы алакымызт, ариторикеи аҿаԥыц азҟазареи дирҵомызт, аҵаҩцәа аԥара рымихуамызт, иара убас ҷыдала еиқәыршәаз ашкол-«ахәыцырҭақәа» аҿы акәымкәа, ашҭақәеи, аџьармыкьақәеи, амҩадуқәеи рҿы азыҟаҵарақәеи ацәажәарақәеи мҩаԥигон<ref>Суриков, 2011, с. 20—21.</ref>.
«Аԥсҭҳәақәа» рыдагьы Аристофан Сократ иҽеимкәа дихцәажәоит «Аԥсаатәқәеи», «Адаӷьқәеи» рҿы. Урҭ рҿы афилософ адгьылтә ԥсҭазаара арыцҳарақәа дырхаҿроуп: «иҟьашьыз, имлагоз, алаба кны иныҟәон, Сократ иеиԥш», Сократ апоетцәа иашақәа дырҿаиргылоит, «апсихагогиа» азы ахара идиҵоит (еиҳа иазааигәоу ҳаамҭазтәи атермин — «[[некромантия|анекромантиа]]»)<ref>Рыканцова, 2012, с. 133—134.</ref><ref>Светлов, 2017, с. 91—95.</ref>.
[[Ксенофонт]] «Ачара» аҿы Сократ дызлахәыз шьыбжьхьа ахҳәаа ҟаиҵоит. Асасцәа руаӡәк, [[Сиракузы|Сиракузтәи]] ауаҩы, афилософ «дхәыцҩшәа дыҟоуп» ҳәа изушьҭоузеи ҳәа диазҵаауеит. Анаҩстәи аимак аан Сократ азҵаара ииҭоит: «Ҳаиҟәызыҭхо абжьаӡара аӡ ашьапқәа рыла иаҳшәозар шаҟа ҟанаҵозеи: ирҳәоит уи ауп удгьылшәара злашьақәгылоу ҳәа». Аҩымҭа «Аԥсҭҳәақәа» афилософ изыҟазаашьа ишаныруа атәы аанарԥшуеит<ref>Зберовский, 2007, с. 262—263.</ref>. Сократи Сиракузтәи ауаҩи рдиалог анализ иаҳнарбоит ианеиҵаха х-уск. Сократ игәы иалсит Аристофан иҳәамҭаҿы иҵара еицакны, мцыла иахьааирԥшыз, акомедиа ауаажәларратә гәаанагара анырра ахьанаҭаз. Сократ «дхәыцуашәа дыҟоуп » ҳәа ихырҵаз ахьыӡ гәныркылеит. Ацәгьахәыццәа афилософ ду Аристофан итермин ала ишьҭан. Сиракузтәи ауаҩи иареи реицәажәараан, Сократ Аристофан «Аԥсҭҳәақәа» ирну зегьы цәгьаҳәароуп, мцуп ҳәа шьақәимырӷәӷәеит. Уимоу, Сократ аолимпиатәи апантеон иаҷыданы, «Аԥсҭҳәақәа» раҳасабала иаарԥшу адемонцәа-нцәахәқәак шыҟоу агәра шигоз,шьақәдырӷәӷәоит Платони егьырҭ антикатәи аклассикцәеи,иара убас ҳаамҭазтәи антикаҭҵааҩцәагьы<ref>Зберовский Сократ и афинская демократия, 2007, с. 158—159, 170.</ref>.
«Сократ [[Апология Сократа (Платон)|иапологиаҿы]]» [[Платон]] ирҵаҩы иажәақәа ааигоит: ''«Шәара шәхаҭақәагьы ижәбахьеит Аристофан икомедиаҿы Сократ ҳәа аӡәы акаҵкәыр дышҭатәоу, аҳауа салоуп ҳәа ҳәо, макьана исзеилымкаауа еиуеиԥшым агаӡарақәа рацәаны дышрылацәажәо. […] амала, уи, афинаа ахацәа, зынӡагьы сара исусым. Уи азы шәара шәхаҭақәа шәеиҳараҩык шаҳаҭцәас ааԥхьара шәысҭоит, насгьы уи аус сара исҳәо заҳахьо зегьы шәалацәажәарц ишәыдысҵоит; избанзар шәара шәахьтә ус иҟоу рацәаҩуп. Шәеизҵаа нас, шәара шәахьтә аӡәы иаҳахьома ас еиԥш иҟоу аусқәа срылацәажәахьеит ҳәа, усҟан еилышәкаауеит сара исызкны ирҳәо егьырҭ зегьы убас еиԥш ишиашоу»''<ref>Платон, 1990, с. 72, [[Апология Сократа (Платон)|Апология Сократа]] 19.</ref>.
Сократ асценаҿы ихыччоз, ахара идызҵоз акомедиографцәа рахьтә Аристофан дзаҵәымызт. Ҿырԥштәыс иааҳгозар, Амипси 423 шықәсазтәи акомедиа «Конн» аҟны Сократ дсофистны дааирԥшит. Афилософ диҿагылон иара убас [[Кратин]], аха ипиесақәа рҵакы атәы шамахамзар акгьы ҳаздырӡом<ref>Рыканцова, 2012, с. 133.</ref>.
=== Ксенофонт ===
[[Афаил:Raffael 069.jpg|thumb|Сократи [[Ксенофонт]] қәыԥши ([[Ватикан]] [[Рафаель Санти|Рафаель]] иҭыӡсахьа «Афинатәи ашкол» ахәҭа)]]
Ксенофонт «исократтә ҩымҭақәа» рыҩра аамҭа иазку версиақәак ыҟоуп, урҭ рахь иԥхьаӡоуп «Сократ изку агәалашәарақәа», «Аӡбарҭаҿы Сократ ихьчара», «Ачара», «[[Домострой (Ксенофонт)|Домострои]]»{{ref+|Аԥҵамҭақәа рыхьӡқәа рыҭоуп урысшәала ицәажәо аԥхьаҩ изы еиҳа ирдыруа С. И. Соболевски иеиҭага инақәыршәаны|к}}. Версиак ала, урҭ ҩын Ксенофонт [[Скиллунт]] анхара даналага, 387 шықәса рышьҭахь. Даҽа версиак ала, ари арыцхә ҟалаанӡа, арратә ныҟәарақәа раан. Аԥҵамҭақәа рыхәшьара аԥҵара аамҭа иадҳәалоуп. Антикаҭҵааҩцәа иазгәарҭоит урҭ рконтекст анырра шанаҭо ианаԥырҵоз равтор дазусҭаз афакт—иҩныҟа, Афиныҟа ихынҳәыр зылшоз аруаҩ иакәзу, мамзаргьы зықалақь гәакьа анҭыҵ инхаз аҳәынҭқарратә цәгьоуҩызу<ref name="sfn60f3bc">История греческой литературы, 1955, с. 108—110.</ref>.
«Агәалашәарақәа» рҿы Ксенофонт ихаҭа ифилософиатәи иполитикатәи дунеихәаԥшышьақәа арбоуп. Ашәҟәаҿы спартантәи аҵасқәеи атрадициақәеи мыцхәы рымҵахырхәара ыҟаӡам. Иара афинаа рыԥсҭазаара атәы иахцәажәоит, уи 387 шықәсанӡа ишҩыз аазырԥшуа аргументуп. Иааидкыланы Сократ ихаҿсахьа «Агәалашәарақәа» рҿы Платон иҟны иаарԥшу иеиԥшуп. Иара убасгьы, уа адиалогқәа рымҩаԥгараҿы Сократ иметод аиҭаҳәараҿы аиԥшымзаарақәа ыҟаӡам, амала Платон диҿурԥшуазар, Ксенофонт имариоу ажәабжь аҳәараҿы лассы-лассы деилахәоит. Убри аан, Ксенофонт ииҩыз аҟнытә Сократ ииҳәаҵәҟьази, иара ииҳәоз аидеиақәеи ирызку азҵаара аартны иаанхоит. Излаабо ала, аибашьра атактикеи аҷыдарақәеи ирызку ахшыҩзцарақәа Ксенофонт итәуп<ref name="sfn60f3bc" />.
Ашәҟәы ԥшь-хәҭакны еихшоуп. Актәи аҟны Сократ анцәахамҵареи аҿар рыԥхасҭатәреи рзы ирҭаз ахарадҵақәа рҿаԥҽра ашьҭахь иаарԥшуп адунеии ауаҩи реиҿкаашьа иадҳәалоу азхәыцрақәа. Аҩбатәи ауаа реизыҟазаашьақәа ирызкуп: аҭаацәарақәа, аиҩызара уҳәа. Ахԥатәи ахәҭа аҳәынҭқарратә шьақәгылашьа иазкуп, аԥшьбатәи ахәҭа — адыррақәа рырҳара. «Агәалашәарақәа» аҵыхәтәантәи ахы «Аӡбарҭаҿы Сократ ихьчара» заатәи ҩымҭаны иахәаԥшуеит. Ҳаамҭазтәи ахәшьарақәа рыла, Ксенофонт ихәыцрақәа аҵаулара ҷыда рымаӡам, [[Натурфилософия|анатурфилософцәа]] рыхшыҩҵакқәа еиҭеиҳәоит<ref>История греческой литературы, 1955, с. 110—112.</ref>.
=== Платон ===
Платон иан лышьҭрала афинтәи [[Кодриды|Кодридаа]] рыжәла ду датәын. Сократи иареи еибадырит 407 шықәсазы. Арҵаҩи еиуеиԥшым аҵаҩцәеи, ариторцәеи, аполитикцәеи реицәажәарақәа ахьаарԥшу Платон иҩымҭақәа, Сократ изку адыррақәа ртәы зҳәо акрызҵазкуа хыҵхырҭоуп. Убри аан ирҿиара аҭҵааҩцәа иазгәарҭоит Платон «заатәии», «ихьшәоуи» иҩымҭақәа рҿы Сократ ихаҭара еиуеԥшымкәа ишаарԥшу атәы. Антикатәи афилософиазы еиҳа авторитет змоу аспециалистцәа ируаӡәку Г.[[Властос, Грегори|Властос]] «заатәии» «ихьшәоуи» адиалогқәа рҿы Сократ ихаҿсахьаҿы аиԥшымзаарақәа жәаба аликааит. Аҵарауаҩ Сократ ииашаҵәҟьоу ихаҿсахьа «заатәи» иҩымҭақәа рҿы иаарԥшуп ҳәа иԥхьаӡон, «ихьшәақәоу» ракәзар, Платон ихатә дунеихәаԥшышьақәа аадырԥшуеит<ref name="БРЭ Квинарий">{{БРЭ
|статья = Сократ
|ссылка = https://old.bigenc.ru/philosophy/text/3633770
|автор = А. В. Лебедев
|том = 30
|страницы= 638—639
|архив= https://web.archive.org/web/20230103212748/https://bigenc.ru/philosophy/text/3633770
|архив дата= 2023-01-03
}}</ref>.
{|align="center" class="standard"
! «Заатәи» адиалогқәа
! «Ихьшәоу» адиалогқәа
|-
| аетикатә проблемақәа мацара инапы рылакын
| иҭиҵаауан [[Метафизика|аметафизика]], [[Эпистемология|аепистемологиа]], аҭҵаарадырра [[Философия науки|афилософиа]], абызшәа, адин, аҟазара, аполитика
|-
| Аматематикеи, ииашоу аҭҵаарадыррақәеи рахь аинтерес ааирԥшӡом.
| афилософ аматематика инапы алакызароуп ҳәа иԥхьаӡоит
|-
| иԥсҭазаара хықәкыс иамоуп- афилософиеи ахдырреи; афилософиа ауаа зегьы ирҭахуп
| афилософиа — иалкаау рзы мацара
|-
| аҟазаареи, ауаҩы данԥслак ашьҭахь иԥсы алахьынҵеи рызҵаарақәа ирыдҳәалам
| аԥсы ԥсра зқәым субстанцианы иԥхьаӡоит
|-
| «аидеиақәа» — аилкаарақәа
| «аидеиақәа» — амаҭәарқәа ртрансценденттә ҵакқәа
|-
| анцәа идунеии ҳареи ҳаимадара моралла мацара иҟалар ауп
| анцәа идунеии ҳареи ҳаимадара мистикатәызаргьы алшоит, афилософиатә хшыҩи анцәа ихшыҩи реилалара алыршара азханаҵоит
|-
| афинтәи азакәанқәа дрықәныҟәоит
| арадикалтә реформатор
|-
| аԥсыцқьара дырроуп
| ахшыҩ аемоциа аҵазароуп
|-
| «акгьы шизымдыруа идыруеит»
| аҟәыӷа дуӡӡа, шамахамзар зегьы здыруа
|-
| аҭҵаара аметод хада — аоппонент итезис аҿаԥҽра ауп
| иарбоу аметод мап ацәкра
|}
=== «Асократикцәа», Поликрат ===
Платони Ксенофонти рыдагьы Сократ иӡбахә хыԥхьаӡара рацәала егьырҭ иҵаҩцәагьы ирыҩуан. Алитература ҷыдаҿы урҭ «асократикцәа» ҳәа ирышьҭоуп. Ус иҟоу рахь иԥхьаӡоуп еиуеиԥшым афилософиатә школқәа рышьаҭаркҩцәа-[[Антисфен]] [[Киники|икиникцәа]] рфилософиатә школ, [[Аристипп]] [[Киренаики|икиренаикцәа]] рышкол, [[Федон из Элиды|Федон]] [[Элидо-эретрийская школа|елидо-еретриатәи]] ишкол, [[Евклид из Мегары|Евклиди]] [[Эсхин из Сфетта|Есхини]] мегартәи рышкол. Аха урҭ рырҿиаратә ҭынха еиқәымхеит. Антикаҭҵааҩцәа рырҿиаратә ҭынха ахәшьара арҭар акәхоит егьырҭ антикатә хыҵхырҭақәа рҟынтәи афрагментқәеи ацитатақәеи рхы иархәаны<ref>Асмус, 1999, с. —89—91.</ref>.
Сократ [[Сократический диалог|идиалог]] ажанр ашьаҭаркҩыс дыҟоуп, еицрыдыркылахьоу агәаанагарала, Есхин. Иӡхьоу ҳәа иԥхьаӡаз Есхин иҩымҭақәа хәҭа-хәҭала иаарԥшын XX ашәышықәсазы [[Оксиринхские папирусы|Оксиринхтәи]] апапирусқәа рҿы. Аха ҳара ҳҟынӡа изымааӡеит Есхин идиалогқәа руакгьы еиқәханы. [[Каллий (сын Гиппоника)|Афины]] инхоз ибеиаӡоу ауаҩы ихьӡ зху адиалог «Каллии» аҟны Есхин иааирԥшуеит аморалтә ҟазшьа ҳаракқәа змам ауаҩы, амал ду анимоу иацу ашәарҭарақәа. Зегь реиҳа заатәи адиалог «Мильтиад» атема [[пайдейя|паидеиа]] ауп. Аҵара даҽа ҩ-диалогк шьаҭас иамоуп — «Алкивиади», «Аспазиеи»<ref>Алымова, 2017, с. 105—106, 110.</ref>.
Сократ иҵаҩцәа руаӡәык Антисфен 79 инареиҳаны адиалогқәа аԥиҵеит. Антикатә хыҵхырҭақәак рҿы иаагоу ацитатақәа ирыбзоураны ҳаамҭазтәи аҭоурыхҭҵааҩцәа Геракл изку Антисфен иаԥҵамҭа асиужети апроблематикеи реиҭашьақәыргылара алдыршеит. Аха иазгәаҭатәуп урҭ иҟарҵаз ашьақәырӷәӷәарақәа реиҳарак шгәаанагарқәоу. Ахҭыс мҩаԥысуеит арԥарцәа аԥсыцқьара рылазааӡо [[кентавр|акентавр]] [[Хирон]] иҳаԥаҿы. Хирон иҵаҩцәа рыбжьара Геракл идагьы рыӡбахә ҳәоуп [[Ахилл|Ахилли]] [[Асклепий|Асклепии]]. Иара убас атрактат иалаху дреиуоуп [[Прометей|Прометеи]]. Геракл Прометеи диҿырԥшны дахьаарԥшу аҩымҭа асиужеттә цәаҳәа хадақәа ируакуп. Атрактат хыркәшахоит [[Лернейская гидра|Лернеитәи]] агидра ашҳам ахәшә зыхьшьыз Геракл ихҿа машәырла иахәыз Хирон иҭахара ала<ref>Алымова, Караваева, 2018, с. 264—267.</ref>.
Ахҭыс ахьыҟалаз аҭыԥ [[Пелион]] ашьхаҿы иҟоу аҳаԥы аҟны ауп, уа Платони Антисфени реимак убарҭоуп. Платон «Аҳәынҭқарра» а-7-тәи ишәҟәы аҟынтәи аҳаԥы асахьеи Антисфен итәи даара еиҿагылоит. Актәи адиалог аҿы аҳаԥы аҵарадара асимвол ҳнарбоит, аиашаҵәҟьа ашьхаҟа уанхалалак ауп ианеилукаауа. Антисфен иҟны аҳаԥи ашьхеи ҭыԥк аҟны иҟоуп, аиаша, аҩныҵҟеиԥш адәахьалагьы, зехьынџьара еиԥшуп<ref>Алымова, Караваева, 2018, с. 267.</ref>. Хирон ихаҿсахьала иаахтны Сократ ихаҿсахьа убоит. Хирони Сократи ашҳам иахҟьаны рыԥсҭазаара иалҵит. Амедицина анцәахәы Асклепиа ихәышәтәышьа аҟазара дзырҵоз Хирон, ихы изымхәышәтәӡеит — ихшыҩҵакқәа ауаа агәра дзыргоз, убри алагьы еицырдыруаз Сократ аӡбарҭаҿы ихы изымыхьчеит. Ахилл ихаҿсахьала даарԥшуп [[Алкивиад]], Прометеи — Платон, Геракл — Антисфен ихаҭа. Платон-Прометеи азеиԥш еилкаарақәа дрылацәажәоит, иҟәыӷара, «амцеи» «алашареи» ауаа ишрызнанагогьы, аҵабырг ахаҭа иаҟәыҭхоуп. Прометеи ихаҭа хыхьчашьа имаӡам, убри аан апрактик Геракл ихы ахьчареи егьырҭ рыхьчареи адагьы, аԥсыцқьарахь дызқәу амҩаҿы алҵшәақәа ааирԥшуеит<ref>Алымова, Караваева, 2018, с. 267—268.</ref>.
«[[Геракл на распутье|Геракл]]» аҿы Антисфен аполемика имоуп Платон имацара иҟны акәымкәа, Ксенофонти [[Продик|Продики]] рҿгьы, дара асиужет «Геракл амҩеихагаларҭаҿы» иавторцәоуп ҳәа ԥхьаӡоуп. Ксенофонт иҩымҭа «Сократ изку агәалашәарақәа» рҿы абзиарақәа риуразы аҽазышәарақәа аҭахызар, Антисфен изы аџьабаа ахаҭа аԥсыцқьара ҵакыс иамоуп<ref>Алымова, Караваева, 2018, с. 268.</ref>.
Фбаҟа инарзынаԥшуа Евклид иаԥиҵаз Сократ идиалогқәа еиқәымхеит<ref>Солопова, 2010.</ref>.
Федон адиалогқәа рформа ала ииҩуаз иҩымҭақәагьы еиқәымхеит. Ифилософиатә хшыҩзцарақәа иахьазы иҵабыргны ирыздырӡом. Ҳаамҭазтәи аҵарауаа Федон иҵара азы алкаақәа ҟарҵоит ҳара ҳҟынӡа иааӡаз афрагмент маҷқәа шьаҭас иҟаҵаны. Адиалог «Симон» Сократ дзыдтәалалоз аимааӡахҩы ихьӡ ахҵоуп. Атрактат аҵакы азы иҟоу адырраҭарақәа жәпакы рыла алкаа ҟаҳҵар ҳалшоит, «Симон» ишаанарԥшуаз иаабац ақалақьуаҩи анапҟазеи рхымҩаԥгашьеи рыԥсҭазаашьеи рзы Сократ имодель<ref>Гомперц, 1999, с. 153—154.</ref>.
[[Диоген Лаэртский|Диоген]] Лаерттәи ианиҵаз антикатәи аверсиақәа руак инақәыршәаны, иара убас X ашәышықәсазтәи [[Амрагыларахьтәи Урымтәыла|византиатәи]] аенциклопедиатә жәар «[[Суда (энциклопедия)|Суда]]» аҿы ишарбоу ала, Сократ иус анырыӡбоз, 399 шықәсазы ахарадҵаҩцәа хадақәа [[Мелет|Мелети]] [[Анит (сын Антемиона)|Анити]] ирыларҳәаз ажәахәқәа [[Поликрат (софист)|Поликрат]] ианиҵеит. Аха уи иашоуп ҳәа антикатәи аамҭазы ихарҵомызт. «Сократ ахара идҵара» захьӡыз Поликрат иажәахә шыҟаз гәыҩбара узцәырнагом. Уаҟа Поликрат ахарадҵаратә тезисқәа еиҭеиҳәон, аӡбамҭа шиашоу ала азы хьаҳәа-ԥаҳәада алкаа ҟаиҵон. Рҩымҭақәа рҿы апамфлет аӡбахә рҳәон Поликрат ихааныз [[Исократ]], иара убас [[Фаворин]], [[Квинтилиан]], [[Либаний|Либаниа]] уб егьырҭгьы. Фаворин иазгәеиҭеит Поликрат иажәахә аҿы аӡбахә шиҳәоу [[Длинные стены|Афины]] ақалақьтә ҭӡамцқәа [[стратег|астратег]] [[Конон (стратег)|Конон]] ишеиҭашьақәиргылаз атәы. Ари ахҭыс ҟалеит Сократ даныршь ашьҭахь фышықәса ааҵуаны, 393 шықәсазы. Абри ала Фаворин алкаа ҟаиҵеит, ажәахә аӡбаратә процесс азы акәымкәа, акыр ихьшәаны риторикатә ҽаршьццыларак аҳасабала ишеиқәыршәахаз. Ари аҩыза аверсиа иҳәеит Фаворин ихааныз Квинтилиан аиҳабы. Иара, Фаворин диҿурԥшуазар, аргументк ааимгеит, баша «ажәытәуаа» абас шырыҩуаз ҳәа азгәеиҭеит: ''«Поликрат Бузириди Клитемнестри ирҽхәон; иара ихаҭа, убри аҩыза агәҭакы иманы, ажәытәуаа рҳәамҭала, Сократ диҿагыланы ажәахә иҩит»''<ref>Квинтилиан, 1834, II. XVIII. 4.</ref><ref name="sfn24498f">Диоген Лаэртский, 1986, с. 104—105, II. 38—39.</ref><ref name="sfn122ddd">Фролов, 1991, с. 276—277.</ref><ref>Матвейчев Философия, 2018, с. 246.</ref>.
Излаабо ала, Поликрат Сократ ахара идҵара адагьы аолигархцәа ириааиз адемократиатә партиа аԥхьагылаҩцәа ирҽхәон. Адемократцәа Сократ идырҵашаз ахара рыман. Ажәытәӡатәи афинаа Сократ иҵаҩцәа [[Алкивиад|Алкивиади]] [[Критий|Критиеи]] рыхьӡқәа аспартанцәа рабашьраҿы иахьаҵахази, аолигархцәа амчрахь рнеиреи, анаҩстәи аграждантә еибашьреи ирыдырҳәалон. Ари ажәахә атәы рдыруан Сократ иҵаҩцәа Платони [[Ксенофонт|Ксенофонти]]. Ҳаамҭазтәи ахәшьарақәа рыла, рырҵаҩы изкыз «[[Апология Сократа (Платон)|Апологиақәа]]» рҿы, егьырҭ инарылкааны, Поликрат ихарадҵақәа аҿаԥырҽуан. Убас, аолигархиа иадгылоит ҳәа ахьырзырҳәоз иаргәамҵуаз [[Платон]] «Сократ иапологиаҿы» Сократи атиранцәеи реилибамкаарақәа акыр ахшыҩзышьҭра риҭоит<ref name="sfn3a55f3">Nails, 2002, p. 199—200, Meletus of Athens.</ref><ref name="sfna5b191">Шичалин, 2012, с. 84—85.</ref><ref name="sfn0d3ebf">Russell, 2012.</ref>.
=== Сократ иаамышьҭахь инхоз антикатәи авторцәа ===
Сократ ишьҭахь инхоз афилософцәеи ашәҟәыҩҩцәеи иара иахь ирымаз азыҟазаашьақәа еиҿагылон, ихааныз ауаа шизыҟаз еиԥш. [[Платоновская Академия|Платон Иакадемиа]] ахаҭарнакцәеи [[Стоицизм|астоикцәеи]] рҿы Сократ аҟәыӷа иавторитет иман<ref>Long, 1996, p. 16—23.</ref>. Аристотели иара иҵара иашьҭанеиуаз [[Перипатетики|аперипатетикцәеи]] афилософиа аҭоурых аконтекст ала мацара акәын Сократ азҿлымҳара ширҭоз. Аристотель излашьақәирӷәӷәоз ала, Сократ анатурфилософиа аԥихит, афилософиаҿы аетикатә хырхарҭа аԥшьгаҩыс дҟалеит. Аристотель иҵаҩцәа руаӡәк [[Аристоксен]], Сократ изкны афилософ «аристофантә» доуҳала дахьааирԥшуаз анысымҩа иҩит. Ари афилософ Сократ хаҭала дыздыруаз ражәабжьқәа шьаҭас иҟаиҵеит<ref>Gigon, 1994, p. 107—110.</ref>. Сократ иҽеимкәа изыҟан [[Эпикур|Епикури]] иҵаҩцәеи. Сократ [[Сократическая ирония|иирониа]] ахамаԥагьара аанарԥшуеит ҳәа рыԥхьаӡон, афилософ ихаҭа мцхәаҩыс дыршьон<ref>Long, 1996, p. 9—11.</ref>.
Ихьшәоу антикатәи ахыҵхырҭақәа ма Сократ ифилософиатә ҵара иазкын, ма инысымҩа иахцәажәон. Урҭ ирнуп Аристофани, Платони, Ксенофонти рҩымҭақәа рҿы зыӡбахә ҳәам адетальқәа рацәаны, аха урҭ ахьынӡаиашоу атәы агәыҩбара узцәырнагоит. Убас, иаагозар, урҭ рҿы Сократ аҩбатәи аԥҳәыс [[Мирто]] димазшәа арбоуп, иара убас иԥҳәыс Ксантиппеи иҵаҩы Алкивиади рҟны имаз имариамыз аизыҟазаашьақәа рсценкақәа рацәаны, «ахаҵа ԥҳәыс дааигароуп» еиԥшыз еиуеиԥшым азгәаҭақәа. Дманшәалахар, иԥҳәысгьы дыбзиахар — насыԥ иоуеит, дманшәаламхар — дфилософхоит»- ҳәа иҟоу ашьақәырӷәӷәарақәа уҳәа<ref name="cyberleninka-4145">{{статья
| автор = Хмелевский С. В.
| заглавие = Зачем современному человеку философия
| ссылка = https://cyberleninka.ru/article/n/zachem-sovremennomu-cheloveku-filosofiya
| издание = Социально-политические науки
| издательство = Издательский дом Юр-ВАК
| год = 2017
| номер = 5
| страницы = 31—37
| issn = 2310-7065
| archive-url = https://web.archive.org/web/20210414184525/https://cyberleninka.ru/article/n/zachem-sovremennomu-cheloveku-filosofiya
| archive-date = 2021-04-14
}}</ref>.
== «Сократ изҵаара» ==
Хронологиала Сократ изааигәоу ахыҵхырҭақәа еиҿагылоит. Урҭ рыпроблема хаданы иҟоуп, дара еиуеиԥшымкәа, лассы-лассы зынӡа еиҿагыло ирыхцәажәоит, Сократ ахаҭара адагьы, иидеиақәа. Урҭ рышьаҭа мацарала, инарҵауланы аҭҵаарадырратә анализ ҟамҵакәа, Сократ дзеиԥшраҵәҟьаз узеилкаауам. «Сократ иашаҵәҟьа иԥшаара» апроблема «Сократ изҵаара» ҳәа ахьӡ иаиуит. Уи азҵаара раԥхьаӡа акәны далацәажәеит XIX ашәышықәса алагамҭазы анемец философ [[Шлейермахер, Фридрих|Фридрих Шлеиермахер]]. 1818 шықәсазтәи астатиа «Über den Werth des Sokrates als Philosophen» аҟны иара ишьақәирӷәӷәон Ксенофонт дзыхцәажәаз ауаҩы, афилософиаҿы ареволиуциа шизыҟамҵоз. Шлеиермахер игәаанагарала Ксенофонт раԥхьаӡа инаргыланы деибашьҩын. Арҵаҩы ихәыцрақәа рыҵаулара ахәшьара аҭара, иара ихшыҩ азхомызт. Уи инамаданы Ксенофонт Сократ [[Традиционализм|традиционалистны]] дааирԥшит, зхатә ҿырԥштәы ала аԥсыцқьара дзырҵо иакәны. Сократ иҵара «ииашоу» аҵакы, Шлеиермахер игәаанагарала, Платон иусумҭақәа рҿы иааирԥшит<ref>Протопопова, 2019, с. 331.</ref>.
Ф.Шлеиермахер иаҳаҭыр шыҳаракызгьы, XIX ашәышықәсазы Ксенофонт иҩымҭа Сократ иԥсҭазаара иазку узықәгәыӷша хыҵхырҭаны иԥхьаӡан. 1910-тәи ашықәсқәа рзы, аамҭақәак рзы, А. Е. [[Тейлор, Альфред Эдвард|Теилор]], Д. [[Бёрнет, Джон|Бернет]], Г. [[Майер, Генрих|Маиер]] Ксенофонт зыгәра угартә иҟоу хыҵхырҭак иакәым ҳәа зҳәоз аусумҭақәа ркьыԥхьит. Аргумент хадақәаны иҟан, Ксенофонт Сократ «изааигәаз ауаа» дреиуамызт, дидыруеижьҭеи рацәак ҵуамызт, ихәыцрақәа цқьа изеилкаауамызт, Платон ишьақәирӷәӷәоз ахшыҩҵакқәа хиҩылаауан ҳәа. Урҭ ргәаанагарала, Сократ изку ихадоу, ииашоу хыҵхырҭаны дыҟан Платон<ref>Протопопова, 2019, с. 331—332.</ref>.
Платон жәабжьҳәаҩ хаданы иалихыз азакәаншьаҭа аман. Иԥсхьоу арҵаҩы еиуеиԥшым абиԥарақәа еизаку рҟәыӷара идукылар алшон. Иҟалап Платон, афинаа рахьтә аӡәы [[Сократический диалог|адиалог]] алкаақәа мцҳәароушәа ибар, иморалтәым ахымҩаԥгашьеи, анцәахамҵареи рзы ахарадҵарақәа идрымҵарц азы акәзар мотивқәас имаз. Ас еиԥш ахарадҵарақәа ирыхҟьаны [[Анаксагор]] инаиркны Сократ иҟынӡа ахәыцыҩцәа рыплеиада дуӡӡа ааха аиуит. Итрадициатәым ухәыцрақәа зыԥсҭазаара иалҵхьоу арҵаҩы идҵара шәарҭамызт. Ианакәзаалакгьы иарбоу ашьақәырӷәӷәарақәа Сократ итәуп иҳәар илшон, иара амемуарист шиакәу. Ус анакәха, Платон Сократ ихәыцрақәа ракәымкәа, ихатә хәыцрақәа ааирԥшыр илшон. Швеицариатәи аҭоурыхҭҵааҩ 1947 шықәсазы «Сократ изҵаара» аганахьала азыҟазаашьа ҿыц аԥиҵеит. Иара ишьақәирӷәӷәон,Ксенофонт иеиԥш Платонгьы,Сократ идиалогқәа рҿы ихатәы гәаанагарақәа шиҳәоз. Апрофессор исахьаркны ишиҳәо ала: «[[Жигон, Олоф|Жигон]] игәрамгара лассы-лассы агәаӷ ду аанарԥшуан — хымԥада, избанзар ари аҩыза апозициа ашәара цәырнагон, Сократ хырԥашьа змамыз ибжьарӡразы »<ref>Протопопова, 2019, с. 332—333.</ref>.
Жәашықәсақәак рышьҭахь аҵарауаҩ-афилософ Г.[[Властос, Грегори|Властос]] ихатә ҭҵаарақәа мҩаԥигеит. Иара иԥшааит [[Диалоги Платона|Платон]] «заатәии» «ихьшәоуи» идиалогқәа рҿы Сократ еиҿагыло идунеихәаԥшышьақәа жәаба раҟара. Властос игәаанагарала, Сократ иаша даарԥшуп «заатәи» адиалогқәа рҿы, «ихьшәоу» рҿы — иара Платон ихәыцрақәа рылазҳәо литературатә персонажуп. Властос игәы иаанагон, Ксенофонти Платони рҿы Сократ ихцәажәарақәа анеиқәшәалак, аҵыхәтәантәи иажәақәа иашоуп ҳәа. Урҭ еиԥшымзар, Властос Платон аԥыжәара ииҭон. Уи аргументқәа иааидкыланы иугозар уаанӡатәиқәа еиҭарҳәон: Ксенофонт Сократ иҵаҩы иашаҵәҟьа иакәмызт, иара арҵаҩы мыцхәы иҽазҵәылхны дихьчон, Сократ ифилософиа инҭкааны аарԥшразы алшарақәеи ахшыҩи изхомызт<ref name="sfn84ccad">Матвейчев, 2018, с. 76.</ref><ref>Протопопова, 2019, с. 332—334.</ref>.
Властос игипотезаҿы иԥсыҽхаз моментны иҟоуп «заатәи» Платон арҵаҩы ихәыцрақәа мацара шеиҭеиҳәоз азы агәраргара. Арҭ аҩымҭақәа рҿы асахьаркыратә хыҭҳәаа аҭыԥ амазар ҟалоит ҳәа ԥхьаӡоуп. 1990-тәи ашықәсқәа инадыркны Властос аметодологиала еиҿагыло ипозициа О.Жигон изнеишьа аасҭа акырӡа иԥсыҽуп. 1994 шықәсазтәи амонографиа «Сократ иҵысра» аҟны П.Вандер Вердт ишьақәирӷәӷәоит, Сократ идиалогқәа зегьы раԥхьа иргыланы шаҳаҭра шизыруа урҭ равтор, зыхьӡала аиҭаҳәара мҩаԥысуа Сократ иакәымкәа. 2006 шықәсазы [[Оқсфорд|Оксфорд]] иҭыжьын Властос шәышықәса ихыҵра иазкыз «Сократ иахь амҩақәҵага». Аԥхьажәаҿы иубоит Сократ иеилкаараҿы Властоси П.Вандер Вердти рызнеишьақәа шеиқәымшәо. Ашәҟәы ахаҭа шьақәгылан Властос иҟаиҵаз алкаақәа ирықәшаҳаҭым авторцәа рыстатиақәа рыла. Ҩ-томкны иҟоу «Socrates from Antiquity to the Enlightenment» 2007 шықәсазы М.Трапп иазгәеиҭеит «Сократ изҵаараҿы» аконсенсус аҟамзаареи, Жигон иверсиа ахыԥша аизҳареи<ref>Протопопова, 2019, с. 334—336.</ref>.
Кембриџьтәи «Сократ иахь амҩақәҵага» алагоит Сократ изҵаара дшазыҟаз азы аихшьаала ҟазҵаз Л.-А. Дорион истатиа ала: «иҳацәцо Сократ ишьҭалара, рыцҳарас иҟалаз, ахаангьы ахықәкы нанагӡаӡом, уи иаанарԥшуа апсевдо-ҭоурыхтә Сократ иоуп. Сократ ипроблема афилософиа аҭоурых аҿы Сократ еиуеиԥшым ирепрезентациақәа рҵакы аҭоурыхтә еилкаара ааннакылоит ауп». Ари аҩыза азнеишьа, «Сократ изҵаара» аӡбаразы анаҩстәи аҽазышәарақәа мап рыцәкра ауп иаанаго. 2013 шықәсазтәи анаҩстәи «Сократ иахь амҩақәҵага» иааидкыланы О.Жигон ипроблема азнеишьа иашоуп ҳәа азханаҵеит. 2018 шықәсазы авторцәа ргәыԥ амонографиа ҭрыжьит «Plato and Xenophon. Comparative Studies». Авторцәа «Сократ ипроблема» аӡбаразы рхатәы мҩа рыдыргалеит. Уи инақәыршәаны, Ксенофонт илымшеит Сократ [[Максима (философия)|имаксимақәа]] раарԥшра; Платон ахәҭакахьала ихы иҭиҳәааит, ахәҭакахьала арҵаҩы деиҭеиҳәеит. Аха уи акәым аҭоурыхҭҵааҩ дзызҿлымҳахаша. Дызусҭадаз Сократ, абрысҟак аҵаҩцәа, урҭ афилософцәа рыдагьы, еиҿагылаз агәаанагарақәа змаз аполитикцәагьы рылан, агәышьҭыҵра рызҭоз? Ас еиԥш иҟаз ауаҩы ус аламала хыԥхьаӡара рацәала изыхцәажәоз аӡәгьы дызиеиԥшхомызт. Иара, излаабо ала, аргументациеи ахымҩаԥгашьеи рҿы даараӡа дҵарын, уи иацәажәоз диднаԥхьалон, дхыихуан, мамзаргьы ицәымӷра изцәырҵуан<ref>Протопопова, 2019, с. 335—337.</ref>.
== Анысымҩа ==
=== Ахылҵшьҭра ===
Сократ диит 469 шықәсазы Афины ақалақь аладатәи аҭӡы азааигәара иҟоу дема инхо аскульптори ахәыҷышьҭыхҩи рҭаацәараҿы. [[Диоген Лаэртский|Диоген]] Лаерттәи аинформациа ааигоит: ''«Диит иара [Сократ] ([[Аполлодор Афинский|Аполлодор]] „Ахронологиаҿы“ ишазгәаиҭо ала) [[архонт]] Апсефион ихаан, 77-тәи аолимпиада аԥшьбатәи ашықәс, афбатәи [[Таргелион|афаргелион]] азы»''. Аԥшьбатәи ашықәс 77-тәи аолимпиада 469 аҩбатәи азбжеи 468 шықәса актәи азбжеи ирықәшәоит. [[Платон]] идиалогқәа рҿы иазгәаҭоу 399 шықәса ааԥынразы аӡбарҭа аныҟаз Сократ 70 шықәса ихыҵуан. Ҳаамҭазтәи ахыҵхырҭақәа Сократ иира ашықәс азы иҟоу аинформациа еиҿагылаӡом ҳәа рыԥхьаӡозар, арыцхә «6 афаргелион» агәыҩбара аанарԥшуеит. Уи афинтәи амзар ажәеизатәи амза иақәшәоит, ҳаамҭазтәи рашәарамза. Абасала, Сократ архонт Апсефион ихаан 6 афаргелион диизар, иусӡбараан 69 ш. ихыҵуан, 70 шықәса акәымкәа. 6, 7 афаргелион афинаа иазгәарҭон [[Артемида|Артемидеи]] Аполлони рира иазкыз [[Таргелии|Таргелиа]]. Иҟалап Сократ имшира аҟәыӷара анцәа [[Аполлон]] адунеи иқәлара иақәдыршәазар<ref>Суриков, 2011, с. 44—46.</ref>.
Сократ Фенаретеи Хередемки ирхылҵыз аишьазаҵә Патрокл диман. Алитератураҿы иҟоуп Патрокли Сократи иреиҳабу азҵаара аганахьала еиҿагылоу ҩ-гәаанагарак. Сократ иусӡбара маҷк шагыз ицәажәара атәы аазырԥшуа Платон идиалог «[[Евтидем (Платон)|Евтидем]]» аҟны,афилософ иашьа иӡбахә иҳәоит «даара аус ԥхасҭеитәуеит» ҳәа<ref>Платон, 1990, с. 190, Евтидем 297 d.</ref>. Версиак ала Патрокл Фенарета раԥхьатәи лҭаацәалазаараҿы диит. Хередем иԥсҭазаара даналҵ, ма хаҵеи ԥҳәыси анеилыҵ ашьҭахь, Фенарета Софрониск диццеит. Даҽа версиак ала, Фенарета раԥхьатәи лхаҵа Софрониск иакәын, аҩбатәи Хередем иакәын. Сократ иеиҳабра иазку аверсиа шьаҭас иамоуп иусӡбараан 70 шықәса ахьихыҵуаз. Уи инақәыршәаны зықәрахь инеихьаз Сократ иқәра ҳасаб азуны, уи аамҭазы зыԥсы ҭаз Патрокл деиҵбын ҳәа агәаанагара логикала ицәырҵуеит. Иара убри аамҭазы, Ажәытә Бырзентәыла хәыҷышьҭыхыҩцәас иҟалон зықәрахь инеихьаз аҳәса. Абасала, Фенарета хәыҷышьҭыхҩыс даныҟаз, еиҭа хаҵа дцаны аҩбатәи ахшара дызлоуамызт<ref>Nails, 2002, p. 234—235.</ref><ref>Суриков, 2011, с. 48.</ref>.
Иара убас алитератураҿы иҟоуп Сократ ишьҭра аҳаракыра иадҳәалоу версиақәак. Урҭ руак, еиҳа ирылаҵәаны иҟаз, анемец философ Ф.[[Ницше, Фридрих|Ницше]] ажәақәак рыла иҳәеит: ''«Сократ ауаа башақәа дреиуан»'', даҽакала иуҳәозар, ахьӡ змамыз, мал змамыз ауааԥсыра дырхылҵит дреиуан. Иарбоу агәаанагара аҭоурыхҭҵааҩцәа зегьы адгылом. Антикатәи аамҭазы [[Схолии|асхолиастцәа]] адиалог «[[Алкивиад Первый|Алкивиад I]]» аҟны Сократ иажәақәа абас еилдыргон: ''«Иара сышьҭрагьы, [[Алкивиад]] аамсҭашәа, [[Дедал]] иахь унанагоит, Дедал иакәзар, [[Зевс]] иԥа [[Гефест]] дихылҵитт»'', ари ахылҵшьҭра ду аанарԥшуеит. Аха, афинтәи агенеалогиазы аҟаза ду Аттика Дедалидаа рышьҭра аҟазаара мап ацәикуан. Иҟалап зыӡбахә ҳамоу аскульпторцәа рмифтә хылҵшьҭра Дедал иакәзар, уи Сократ абшьҭрала дизыҟан ҳәа ԥхьаӡан, аҳақьымцәа-асклепиадцәа зхылҵыз [[Асклепий|Асклепиа]] итип ала<ref>Суриков, 2011, с. 48—53.</ref>.
Сократ ихылҵшьҭра ду азы еиҳа акрызҵазкуа аргументны иҟоуп Сократ иҭаацәеи [[Аристид]] Аиашаҳәаҩи реизааигәара, дара аншьҭрала [[Керики|Керикаа]] рышьҭрахь иаҵанакуеит. Аристид иԥа Лисимахи Софронискеи еиҩызцәан, Лисимах иԥа Аристид Аиҵбы Сократи иареи аизыҟазаашьа бзиақәа рыбжьан. Иара убасгьы Сократ инысымҩа аконтекст аҿы ихьшәоу антикатә хыҵхырҭақәа лассы-лассы Аристид иуа [[Мирто (жена Сократа)|Мирто]] лыӡбахә рҳәоит. Сократ ашьҭра ду шимаз атәы шаҳаҭра аур алшоит [[Ксантиппа]] хатә ҩызас дахьигазгьы. Уи лыхьӡ афинтәи аристократиа иазҷыдароуп, зегь раԥхьаӡагьы [[Бузиги|Бузигаа]] рышьҭразы, уахь [[Перикл|Периклгьы]] даҵанакуан. Сократ ҭауади-аамсҭеи дышреиуоу атәы рҳәоит иара убас, ихааныз Ксенофонти, маҷк ихьшәаны инхоз Аристотели. Убас, [[Аристотель]] «Ариторикаҿы» иҩуан: ''«ибзиаӡаны аҟыбаҩ злоу ашьҭрақәа ыиаӡаауеит, аҟазшьа хагақәа шьҭырхуеит, иаҳҳәап, [[Алкивиад|Алкивиади]] [[Дионисий Старший|Диониси]] Аиҳаби рхылҵшьҭрақәа реиԥш, ашьҭра хатәрақәа — агаӡареи ақалышь-малышьреи рахь ииасуеит, иаҳҳәап, [[Кимон|Кимони]], [[Перикл|Перикли]], Сократи рхылҵшьҭрақәа реиԥш»''<ref>Аристотель, 2017, II. XV.</ref>. Даҽакала иаҳҳәозар, Аристотель Сократ ишьҭра [[Филаиды|Филаидааи]] Бузигааи еиҳа еицырдыруаз афинтәи ашьҭрақәа рыҩаӡарак иадикылеит. Сократ иҵаҩы [[Ксенофонт]] ирҵаҩы иажәақәа ааигоит: ''«Арапаҩцәа, аимаақәаҟаҵаҩцәа, ауасҭацәа, ажьицәа, адгьылықәаарыхыҩцәа, аҭуџьарцәа, аџьармыкьатә хәаахәҭыҩцәа урыцәыԥхашьома, зыхә мариоу акы аахәаны еиҳа ахә цәгьаны аҭира мацара иазхәыцуа? Мшәан, урҭ зегьы рыла ишьақәгылоуп жәлар реизара»''<ref>Ксенофонт, 2003, с. 110, [[Воспоминания о Сократе]] III. 7. 6.</ref>. Сократ урҭ дреиуазҭгьы, ас еиԥш иҟоу аҟазшьарбагақәа иара ихаҭа идукылар алшон. Иара убасгьы иазгәаҭатәуп Сократ хыԥхьаӡара рацәала иҵаҩцәа рыбжьара аристократцәа шырацәаз, урҭ рырҵаҩы нхаҩык иаҳасаб ала акәымкәа, хылҵшьҭрала дара драҟаратәны изнеиуан<ref>Суриков, 2011, с. 53—55.</ref>.
Аҭоурыхҭҵааҩ Х.[[Туманс, Харийс|Туманс]] Сократ хылҵшьҭрала даристократуп ҳәа диԥхьаӡомызт. Х.Туманс ирҵаҩы ахара дацәызыхьчоз Ксенофонт иршаҳаҭга азгәеиҭоит, [[Гомер]] иажәеинраалақәа ҵаҵӷәыс иганы апоет анхацәеи аӷарцәеи рыпҟаразы ааԥхьара ҟаиҵозшәа. Ус анакәха Сократ ихаҭагьы дыпҟатәхон ҳәа иԥхьаӡоит Ксенофонт, аиашазы Гомер иажәақәа ааго ааԥхьара ҟаиҵон аҳәынҭқарразы хәарҭара злам аԥхамшьақәа егьа ибеиазаргьы иаанкылатәуп ҳәа<ref>Ксенофонт, 2003, с. 43, I, 2, 58.</ref>. Сократ «анхацәа» дышреиуоу Ксенофонт ашьақәырӷәӷәарақәа зҭахым зегьы еицырдыруа фактны дахцәажәоит. Ксенофонт асиужет хиркәшоит абри аҳәамҭала: «Сократ, зегьы ишырдыруаз еиԥш, ажәлар дырҩызан, ауаа бзиа ибон»<ref>Ксенофонт, 2003, с. 43, I, 2, 60.</ref>. Диоген Лаерттәи [[Деметрий Византийский|Византиатәи Деметриа]] иажәақәа шьаҭас иганы, Сократ зынӡа тәыс дыҟан ҳәа ауҳәан-сҳәан ааигоит, [[Критий|Крити]] иоуп аҟазарҭа аҟынтәи ихы дақәиҭызтәыз, «идоуҳатә ԥшӡара иаднаԥхьалаз» аҵара изҭаз ҳәа<ref>Диоген Лаэртский, 1986, с. 99, II, 19—21.</ref>. Х.Туманс ишазгәеиҭо ала, арҭ ауҳәан-сҳәанқәа рыгәрагара иаԥсам, аха афилософ исоциалтә статус азы азеиԥш гәаанагара аадырԥшуеит. Ас еиԥш иҟаз ажәабжьқәа цәырҵыр рылшон ауаажәларра зегьы Сократ иҳаракым ихылҵшьҭра азы ирымаз рыгәрагара шьаҭас иҟаҵаны. Ажәытәтәи авторцәа Сократ тәыс дыҟан ҳәа агәра агара иазыхиан, аха урҭ аӡәгьы иара даристократын ҳәа изиҳәомызт. Уи иахҟьаны, антикатәи аамҭазы Сократ зсоциалтә статус ҳаракымыз рҟынтәи «ауаа рахь» инеиз ауаҩы дуӡӡа истатус иоуит: римтәи аепоха аан иара зны афилософ рыцҳа иеталонк аҳасабала дрыдыркылон, зных ихылҵшьҭра шдумызгьы ахьӡ-аԥша аиура зылшаз уаҩны дрыԥхьаӡон<ref>Ювенал, 1989, VII, 205—206.</ref><ref>Валерий Максим, 2007, III, 4 ext. 1.</ref><ref>Туманс, 2018.</ref>.
Сократ иҭаацәа иагьбеиамызт, иагьӷарымызт. Ари аҩыза алкаа аҭоурыхҭҵааҩцәа иҟарҵоит Сократ абџьар хьанҭа зку аршьаҟауаа дрыцны арратә ныҟәарақәа дахьрылахәыз азы. Ажәытәӡатәи Афины архәҭақәа атәылауаа рыла ишьақәгылан. Абџьари ар рымаҭәеи ухала иааухәар акәын. Рмал зеиԥшроу азгәаҭаны, атәылауаа ԥшь-класскны иршон. Аӷба аргылареи иахәҭоу аҭагылазаашьаҿы аныҟәгареи зуалԥшьаз [[Пентакосиомедимны|апентакосиомедимнцәа]], урҭ аибашьратә хҭысқәа раан [[триерарх|атриерарх]] имаҵура иахагылан; аҽыуаа, ма [[гиппеи|агиппеицәа]], акавалериаҿы иҟан; [[зевгиты|азевгитцәа]] — аршьаҟауаа рҿы [[гоплит|агоплитцәас]]; [[феты|афетцәа]] — абџьар лас змаз аршьаҟауаа рахь ицон, мамзаргьы иматросцәахон. Арратә ныҟәарақәа дрылахәхар анакәхоз, Сократ агоплитцәа ргәыԥқәа руак аҿы аҭыԥ ааникылон. Сократ дызҵазкуаз азевгитцәа еиҳарак амал змаз адгьылмпыҵакыҩцәа рыла ишьақәгылан. Сократ иԥсҭазаара анҵәамҭазы ауп «Аҟәыӷа ччиа» ихаҿсахьа аниоуз<ref>Суриков, 2011, с. 55—56.</ref>.
=== Аҭеиҭыԥш. Аԥсҭазаашьа ===
[[Афаил:Socrates Efes Museum.JPG|мини|Сократ ҳера I—V ашәышықәсақәа рҭыӡсахьаҿы, Ефестәи амузеи]]
Антикатә сахьақәа рҿы Сократ даарԥшуп ихахәы каԥсаны, иԥынҵа хашәшәала, иҿы дуны, иблақәа ааҭцашәа, иқьышәқәа ҟәазны. Платон идиалог «Ачара» аҟны ирҵаҩы амифтә [[силен]] диҿирԥшуеит. Сократ иҭеиҭыԥш иадҳәалоу аҭоурых, Федон идиалог «Зопир» аҟны раԥхьаӡа акәны дахцәажәеит. Аоригиналтә ҩымҭа еиқәымхеит, аха уи аиҭаҳәа ҳара ҳҟынӡа иааӡеит Цицерон ибзоурала<ref>Суриков, 2011, с. 138—139.</ref>. Афиныҟа иааз мрагыларатәи амаг Зопир ауаҩы иԥшра-исахьа ала иӡбахә аҳәара шилшо атәы шьақәирӷәӷәон. Сократ даниԥыла, афилософ имаз ацә ахәда данахәаԥш- хшыҩла еиҵаханы иҟоу уаҩызшәа, иқьышә шәпақәа аниба, зкалҭ цәгьоу аӡәы иакәызшәа иӡбеит. Афилософ иҵаҩцәа амшыннырцәтәи асас ихыччара иалагеит, убриаҟара аиашара иацәыхаран амаг илкаақәа. Сократ, аҵаҩцәа реиԥш акәымкәа, амаг ииҳәаз зегьы иашоуп ҳәа азгәеиҭеит, избанзар урҭ аграқәа данқәыԥшыз илан. Аха афилософиа ахархәарала урҭ риааира илиршеит. Адиалог Сократ [[Максима (философия)|имаксимақәа]] руак аанарԥшуеит — ауаҩы дшыҟоу дҟазҵо адоуҳатә ааӡара ([[Пайдейя|паидеиа]]) абзоуралоуп, аха ициз аҟазшьақәа рыԥсахра илшоит<ref>Солопова, 2008.</ref><ref>Boys-Stones, 2004, p. 13—15.</ref>.
Афины Сократ акалашәа дыҟоуп, дџьашьахәуп, ҳәа дыԥхьаӡан. Аха икәша-мыкәша иҟаз агәаанагарақәа рыгәхьаа икымызт. Сократ амаҷ ихы ахьалаигӡоз Ксенофонт [[Антифон Афинский|Антифонт]] ииҳәаз ажәақәа рыла иааирԥшит, уи аимак-аиҿак аан ус иҳәеит: ''«Унхоит уара… убас, тәык иакәзаргьы абри аҩыза аԥсҭазаашьаан иаҳ иҿы даанхомызт: иуфои иужәуеи зегьы иреицәоуп; иныҟәуго [[гиматий|агимати]] ҿаасҭоуп, аԥхыни аӡыни акоуп иныҟәуго; еснагь ушьапы хтны, [[хитон|хитонда]] уныҟәоит»''. Зымаҭәа кәыжә-кәыжәқәа ирхыҽхәоз Антисфен диҿурԥшуазар, Сократ амаҷ ихы ахьалаигӡоз имаз ачҳара иадҳәалан. Алкивиад инаҵшьны иазгәеиҭон, арратә ныҟәараан ахьҭа бааԥс аныҟаз, Сократ ҭынч ишьапы хтны, иаабац иплашь ишәҵаны аҵаа дшыланыҟәоз атәы. Убасҵәҟьа аҽынкылареи ачҳареи ааирԥшуан Сократ арыжәтә аганахьалагьы. Аҩы хьаас имамызт, аха ачарақәа раан зегь реиҳа ижәыр илшон, убри аан дашьуамызт. Иара убас, Сократ акраамҭа иҭыԥ аҿы дышьхынԥсыланы дгылазар ауан, акгьы хьаас имкаӡакәа акы дазхәыцуа. Афилософ ихымҩаԥгашьаҿы ари аҷыдара атәы азгәарҭон афилософ иҵаҩцәа реиԥш, дызҭахымызгьы<ref>Суриков, 2011, с. 140—143.</ref>.
Платон арҵаҩы иажәақәа ааигоит, уи ишьақәирӷәӷәон егьырҭ ахьи, ахьӡ-аԥшеи, аҳаҭыри роура ианашьҭоу, иара аҩызцәа ирҳауеит ҳәа<ref>Зберовский, 2008, с. 323.</ref>.
=== Дельфитәи апифиа лҭак ===
[[Афаил:Ruins at Delfi.JPG|thumb|[[Дельфы|Дельфи]] иҟоу [[Аполлон]] иныхабаа ахыжәжәарақәа. Араҟа, антикатәи атрадициа инақәыршәаны, [[пифия|апифиа]] Сократ ауаа зегь реиҳа дҟәыӷоуп ҳәа изылҳәеит, уи афилософ иԥсҭазаараҿы аиҭакра аанагеит.]]
Антикатә традициа излаҳәо ала, Сократ иԥсҭазаара еиҭазкыз хҭысны иҟалеит [[Дельфийский оракул|Дельфитәи]] апифиа [[Херефонт]] илҭаз аҭак. Ажәытәӡатәи абырзенцәа агәра ргон апифиа аекстатикатә ҭагылазаашьаҿы «анцәа иҭак» шеиҭалҳәоз еидҳәаламыз ажәақәа рыла. Аныхаԥааҩцәа урҭ ажәақәа ҩ-еилкаарак азыԥхьагәазҭоз, акыр ихыркыз ажәеинраалатә форма рырҭон<ref name="БРЭ Оракул">{{БРЭ
|статья = Оракул
|ссылка = https://old.bigenc.ru/world_history/text/2682699
|автор = А. В. Стрелков
|том = 24
|страницы= 313
|архив= https://web.archive.org/web/20230103225616/https://bigenc.ru/world_history/text/2682699
|архив дата= 2023-01-03
}}</ref>. Азҵаареи, уи иашьҭанеиуаз аҭаки еуеиԥшым авариациақәа ыҟоуп. [[Платон]] еиҭеиҳәаз, Сократ иус анырыӡбоз ииҳәаз ажәахә аҿы афилософ излашьақәирӷәӷәо ала, иҩыза, иҵара иадгылаҩыз Херефонт ''«игәаӷьит … оракул ахь абри аҩыза азҵаара аҟаҵара … сара саҵкыс иҟәыӷоу адунеи аҿы аӡәыр дыҟоума ҳәа, Апифиа уи еиҳа иҟәыӷоу аӡәгьы дыҟам ҳәа аҭак илҭеит»''<ref>Платон, 1990, с. 74, [[Апология Сократа (Платон)|Апология Сократа]] 21 a.</ref>. Ари аҩыза аҭак Сократ оракул аҵакы дазнархәыцит. Ганкахьала, анцәа [[Аполлон]] иоракул ала амц изҳәомызт, даҽа ганкахьала — Сократ иҟәыӷоу иакәым, иҟәышу уаҩны ихы иԥхьаӡомызт. Убасҟан икәша-мыкәша иҟаз, зҟәыӷара мҩашьоз ауаа рыҿцәажәара далагеит. Уи иабзоураны Сократ, ииашаҵәҟьаны ҟәыӷак дшиԥымлаз азы алкаа ҟаиҵеит. Убасҟан иара еиликааит, ииашаҵәҟьаны иҟәыӷоу анцәақәа шракәыз, апифиа лҭак иаанаго, Сократ иеиԥш, акгьы шизымдыруа здыруа иоуп зегь реиҳа иҟәыӷоу- ҳәа ауп<ref>Платон, 1990, с. 76, [[Апология Сократа (Платон)|Апология Сократа]] 23 b.</ref><ref name="sfn682f2f">Фролов, 1991, с. 257.</ref>.
Убасҟан Сократ ауаҩ ҟәыӷа иԥшаара далагеит. Аха иԥшаарақәа зегьы лҵшәадахеит. Егьырҭгьы аҟәыӷара шрылам атәы ахьааирԥшуаз ацәажәарақәа, Сократ анцәақәа рымаҵ аура ауп иаанаго ҳәа иԥхьаӡон. Уи иахҟьаны афилософ данажәгьы дышӷарыз даанхеит, избанзар даҽа усурак азы аамҭа изынхомызт. Убри аан, аӷацәа рацәаҩны ирҳаит<ref>Платон, 1990, с. 76, [[Апология Сократа (Платон)|Апология Сократа]] 23 b—c.</ref><ref name="sfn682f2f" />.
Антикаҭҵааҩцәа Сократ иԥсҭазаараҿы аиҭакра аазгаз апифиа лҭак аныҟалҵаз ҳәа еиуеиԥшым арыцхә азгәарҭоит, еиуеиԥшым ахәшьарагьы арҭоит. Платон дзыхцәажәаз аконтекст аҿы, аоракул афилософиа аҿызаараҿы ацхыраара аҟаҵара аҳасабала иудукылозар, ахҭыс Сократ иқәыԥшра аамҭа иахыԥхьаӡалатәуп. Англыз ҵарауаа Г.Парки Д. Уормелли уи 431 шықәсанӡа иҟалаз хҭысуп ҳәа рыԥхьаӡоит. Дара инаҵшьны иазгәарҭоит, ари арыцхә ашьҭахь [[Пелопоннесская война|Пелопоннесстәи]] аибашьра ианалага, [[Афиней|Афиныи]] Дельфыи реимадарақәа шыуадаҩхаз атәы. Ари агипотеза аԥсыҽрақәа амоуп. «Иаҳхылаԥшхәу» уизымхәыцыр, излаабо ала, уи аамҭазы цқьа ирзымдыруа Афины атәылауаҩ, зегь реиҳа иҟәыӷоу уаҩуп ҳәа апифиа изылҳәеит. Иҟалап аоракул Херефонт маҷк датәалымбазар, иааидкыланы ауаатәыҩса рҟәыӷарагьы убас дазнеизар, избанзар «акгьы шысмдыруа ауп издыруа» ҳәа зҳәоз ауаҩы дҟәышӡоуп ҳәа изылҳәеит<ref>Кессиди, 1988, с. 51—54.</ref>. Убас ахҭыс дазнеит Афинеигьы (II—III ашәышықәсақәа) ахәшьара иҭон: ''«Аиашазы, агәра угартә иҟома зегь здыруа анцәа, акгьы шизымдыруа атәы зхала изҳәоз Сократ, ауаа рахьтә зегь реиҳа дҟәыӷоуп ҳәа ахьизиҳәаз? Избан акәзар, аҟәыӷара — „акгьы азымдырра“ акәзар, [анцәа] „зегьы адырра“ гаӡароуп. Насгьы Херефонт гәаҟрас имааз, Сократ идҳәалоу азҵаарақәа рыла анцәахәы лгәы ԥиҵәартә еиԥш? Егьи ихаҭагьы дышҟәыӷамыз ала агәра уиргон. „Ари атәы Анцәа иазҵааз дгаӡазароуп“ … Мшәан ус иҟоу азҵаарақәа анцәахәы дырхыччоит»''<ref>Афиней, 2003, V. 60.</ref>. Парки Уормелли исахьаркны ишырҳәо ала, уи аҭоурых иашазар, Дельфитәи аоракул ыҟоижьҭеи, апифиа лҭак ауаатәыҩса рхәыцра аҿиаразы зегь раасҭа ихадоу акәхеит<ref name="sfna012a6">Фролов, 1991, с. 258—259.</ref>.
Анемец философ [[Гомперц, Теодор|Теодор Гомперц]] хыҵхырҭақәак рҿы иазгәаҭоу апифиа лҭак аҭоурыхтә ҵаҵӷәы даҿамгылакәа, ахҭыс Сократ иԥсҭазаара алагамҭазы акәымкәа, иԥсҭазаара анҵәамҭазы ауп ианыҟалаз ҳәа иԥхьаӡон, аҟәыӷа ихыԥша аниоухьаз ашьҭахь<ref name="sfna012a6" />.
=== Сократ идаимони ===
[[Афаил:Alcibades being taught by Socrates, François-André Vincent.jpg|thumb|«Алкивиад Сократ иҟны аҵара иҵоит». Сократ ижәҩахыр иқәуп идаимони. [[Венсан, Франсуа-Андре|Франсуа-Андре Венсан]], 1776 шықәса. [[Музей Фабра|Фабр имузеи]]]]
«Даимони» ({{lang-grc|δαιμονιον}} — «анцәатә») Сократ иԥсҭазаашьа зыбзоурахаз ишьаҭарку, иара убри аамҭазгьы еиҳа имаҷны еилкаау факторуп. Алитератураҿы иарбоуп хьыӡқәак: «демони», «даимони», «демонион», «даимонион», «демон», «даимон», «гени». Платон иҳәамҭаҿы уи Сократ абзиарахь дзырхоз Анцәа ибжьы акәын. Иара «иҵоурам» аҵакала аус ауан, даҽакала иуҳәозар, афилософ ииашам аусқәа дрыцәхьаҵыртә иҟанаҵон, аха иалкаау аҭагылазаашьаҿы ихы шымҩаԥигаша аганахьала абжьгарақәа ҟанаҵомызт. Сократ ииашаны ихы анымҩаԥигоз акәын абжьы аныҿнамҭуаз. Даимониа аусура афилософ икәша-мыкәша иҟаз ауаагьы аҵанакуан<ref>Суриков, 2011, с. 183—184.</ref>. Убас, Сократ адаимониа ахь ихьарԥшны, афинаа иавантиуратәыз [[Сицилийская экспедиция|Сицилиатәи]] аекспедициа рҽацәырыхьчарц азы ргәы рҽаниҵон, уи аруааи афлоти реилаԥыххаарала ихыркәшахеит, [[Фрасилл]] иҭахара азԥхьагәеиҭон. Ксенофонт ишиҳәо ала, адаимони «иҵоурангьы» аус иур илшон, даҽакала иуҳәозар, Сократ иҟаиҵаша иҵеиҳәар илшон<ref name="sfnb8e44c">Зберовский, 2008, с. 324.</ref><ref>Суриков, 2011, с. 189.</ref>. Платони Ксенофонти реиҭаҳәамҭаҿы «адаимониа» даҽа еиԥшымзаара хадакгьы иман, уи иалкаау «ихаҭара» акәын. Платон Анцәа ибжьы Сократ иуникалтәу иҟазшьа акәын ҳәа иԥхьаӡозҭгьы, Ксенофонт дарбанызаалак ауаҩы «адаимониа» имоуп ҳәа иԥхьаӡон, еиуеиԥшым аԥшрақәа аҭаны<ref>Суриков, 2011, с. 191—192.</ref>.
Сократ иԥсы ҭанаҵы ицыз адаимони афилософ ашьра ахьиқәырҵаз аӡбаратә процесс аан «дыцәеит». Афилософ ихаҭа уи, зегьы иашаны ишыҟаиҵаз арҵабыргуеит ҳәа иԥхьаӡеит<ref name="sfnb8e44c" />.
Даимониа аԥсабара азҵаара антикатәиқәа реиԥш, заатәи ақьырсиантә авторцәагьы, иара убас ҳаамҭазтәиқәагьы азҿлымҳан. Плутархи Апулеии Сократ идемон изыркит хаз игоу аԥҵамҭақәа. [[Плутарх]] итрактат «Сократ идемон изкны» аҟны [[Терпсион]] ахь ухьарԥшны, иаарԥшуп даимониа афеномен аимсара аҳасабала ахҳәаа азыҟаҵоуп. Данхәыцуаз аамҭазы Сократ иарӷьарахь, ишьҭахьала, ма иаԥхьала аимсара иаҳауазар, уи аус арҿиаразы аҽазышәара акәын иаанагоз; иармарахь — аус аҽацәыхьчара аҭахны иԥхьаӡан; ихатәы — дызлагаз аус аанкылара<ref>Плутарх, 1983, О демоне Сократа. 11.</ref>. Лактанции Тертуллиани аҩысҭаак иаҳасабала дрыдыркылон, насыԥ змаз Августини Климент Александриатәии Сократ дзыхьчоз аԥаимбар иааигәара дыҟан ҳәа рыԥхьаӡон. II ашәышықәсазтәи ақьырсианразы идыргәаҟыз [[Иустин Философ]] ақьырсианцәеи рышьҭашәарыцареи Сократ ишьҭашәарыцареи аналогиақәа ҟаиҵон. Адаимони аҿы иара аԥааимбарцәа рыла ԥхьаҟатәи аԥеиԥш аазырԥшуа анцәа Иажәа ибон. Ҳаамҭазтәи аҵарауааи афилософцәеи Сократ идаимониа аҵакы ахь ирымаз азнеишьа еиуеиԥшымызт<ref>Иустин, 1995, II. 10.</ref>. А.Ф. [[Лосев, Алексей Фёдорович|Лосев]] уи ала Сократ ихатә ламыси, ихшыҩи злаиҵәахуаз аметафора ибон. Иара адаимониа [[Императив (философия)|аимперативра]] инаҵшьны иазгәеиҭон, уи идырны аԥырхагара ҟазҵо, агәаҟреи арыцҳареи аазго аусқәа раԥырҟәҟәаарала иаарԥшын. Т.[[Гомперц, Теодор|Гомперци]] С. А. [[Жебелёв, Сергей Александрович|Жебелеви]] иҩнуҵҟатәи ицәанырра, ма гәынхәҵысҭалатәи игәазыҳәарақәа рбон. С. Н. [[Трубецкой, Сергей Николаевич|Трубецкои]] Д. Г. Лиуиси иҩныҵҟатәи аатра аарԥшра ауп ҳәа рыԥхьаӡон<ref>Кессиди, 1988, с. 108—109.</ref><ref>Кобылкин, 2015, с. 88—90.</ref>. Анемец философ Ф.[[Ницше, Фридрих|Ницше]] адаимони Сократ иԥсихикатә чымазара зыршаҳаҭуа алымҳа иаҳауа алаԥшҵашәарақәа ракәын ҳәа рзиҳәеит<ref name="sfnab064e">Ницше, 1990.</ref>.
=== Аҭаацәара ===
[[Афаил:Blommendae, Reyer Jacobsz. van - Xantippe Dousing Socrates - c. 1655.jpg|thumb|left|300px|«Ксантиппа Сократ аӡы иқәылҭәоит», мамзаргьы «Сократи, иҳәысқәа ҩыџьеи, Алкивиади». [[Бломмендаль, Рейер ван|Реиер]] ван Бломмендаль, 1655 шықәса инарзынаԥшуа.<br>[[Музей изобразительного искусства (Страсбург)|Аҿыханҵатә ҟазара амузеи]], [[Страсбург]]]]
Антикатәи атрадициа излаҳәо ала, Сократ ԥҳәыск ма ҩыџьа аҳәса иман, хҩык аԥацәа драбын. Ԥҳәыс дигеит Сократ ихьшәаны, ҩынҩажәижәаба шықәса раҟара анихыҵуаз. [[Ксантиппа|Ксантиппеи]] иареи рчара 423 шықәса рышьҭахь ируит. Ари агәаанагара зыдҳәалоу [[Аристофан]], Сократ иԥҳәыс илызку аинформациа ахьыҟам,акомедиа «Аԥсҭҳәақәа» анықәиргылаз арыцхә ауп. Адиалог «[[Федон (Платон)|Федон]]» аҟны [[Платон]] хҩык ахәыҷқәа зманы зхаҵа иҭааз Ксантиппа лыӡбахә иҳәеит. Аиҳабы 20 шықәса дреиҵан, аиҵбацәа Софронискеи [[Менексен (сын Сократа)|Менексени]] лнапаҿы илкын{{ref+|Софронискеи Менексени Мирто лхәыҷқәа ҳәа рзырҳәар рылшоит|к}}<ref>Кессиди, 1988, с. 20.</ref><ref>Суриков, 2011, с. 55, 149.</ref>. Ажәытәӡатәи Афины традициала ахәыҷқәа рабдуцәа рыхьӡ рыхьӡырҵон, насгьы еиҳа еицырдыруаз, ахьӡ-аԥша змаз дызхылҵыз иакәын аԥыжәара зырҭоз. Сократ аҩбатәи иԥа Софрониск ихьӡ ахырҵеит аҟнытә, иҟалап актәи — [[Лампрокл]] — Ксантиппа лаб ихьӡзар. Ахыҵхырҭақәа рҿы еиқәханы иҟоуп V ашәышықәсазтәи афинтәи амузыкант, Сократ иабхәа иӡбахә.
[[Ксантиппа]] длыҿурԥшуазар, аҩбатәи иԥҳәыс [[Мирто (жена Сократа)|Мирто]] илызку аинформациа даара еиҿагылоит. Диоген Лаерттәи Мирто Аристид диԥҳан иҳәоит, Плутарх — димаҭан, Афинеи — Аристид имоҭа лыԥҳа лакәын ҳәа лзиҳәеит<ref>Диоген Лаэртский, 1986, с. 101, II. 26.</ref><ref>Плутарх, 1994, Аристид 27.</ref><ref>Афиней, 2003, XIII. 555 d — 556 a.</ref>. Иара убасҵәҟьа Сократ иԥсҭазаараҿы Мирто лроль еилкаамкәа иаанхоит. Авторцәақәак изларҳәо ала, Мирто афилософ диԥҳәысын Ксантиппа дааигаанӡа, ма уи лышьҭахь, ма аамҭакала рҩыџьагьы еициман. Егьырҭ изларҳәо ала, Сократ Мирто аопекәынра лзиуа далагеит, уи данеибаха ашьҭахь, данӷарха. Сократ ҩыџьа аҳәса ахьимаз ҭагылазаашьа ҷыдоуп ҳәа иазнеиуан Ажәытәӡатәи Афины ауаажәларра. Версиак ала, [[Пелопоннесская война|Пелопоннесстәи]] аибашьраҿы ахацәа анҭаха ашьҭахь, аира аизырҳаразы атәылауаа азин рырҭеит ҩыџьа аҳәса раагара. Иҟалап Мирто Сократ иуадалықь ԥҳәыс, ма дызхылаԥшуаз аӡәы лакәзар<ref>Nails, 2002, p. 209—210.</ref><ref name="sfn5b81ef">Суриков, 2011, с. 54.</ref>. Ксантиппеи Миртои реизыҟазаашьа иазку алафтә ҭоурых дахцәажәеит [[Аристоксен|Аристоксен Тарентски]]. Ҩыџьа аҳәса еснагь еибашьуан, ианазааибагалак аамҭазы, рҽеидкыланы рҩыџьагьы Сократ ижәлар рылшон. Афилософ урҭ реимакқәа иҽрылеимгаларц даҿын, дԥышәарччо акәын реизыҟазаашьақәа реилыргара аус дшахәаԥшуаз<ref name="sfn5b81ef" /><ref>Гараджа, 2019, с. 203.</ref>.
Сократ иҭаацәараҿы иҟаз аҭагылазаашьеи, Ксантиппа лыуаруарреи Ажәытәӡатәи Афины жәлар рҿаԥыцтә ҳәамҭаны иҟалеит. Ксантиппа лыхьӡ аԥҳәыс ҭыӡшәаҟаҵаҩ илыдыркыло иалагеит. Ҳаамҭазтәи аҵарауаа инаҵшьны иазгәарҭоит Сократи Ксантиппеи рҟазшьақәа реиԥшымзаара. Иқәыԥшыз, афилософиа иацәыхараз аԥҳәыс, амҩадуқәеи ашҭақәеи рҿы Сократ аҵаҩцәа драцәажәо иаамҭа ахьихыигоз даргәырӷьомызт. Ахәыҷқәа рааӡареи, абзазаратә усқәеи Ксантиппа лакәын ирҿыз. Уи иааиԥмырҟьаӡакәа аҭыӡшәақәа ахылҿиаауан, аха урҭ Сократ философиала дазнеины, ҭынч идикылон. Антикатәи авторцәа рзы Ксантиппеи Сократи реизыҟазаашьа хыԥхьаӡара рацәала алафқәа ахылҿиаауан, афилософи аԥҳәыс ҭыӡшәаҟаҵаҩи рхаҿсахьақәа еиҿадыргылон. Аҟазшьа цәгьа шлымазгьы, Ксантиппа зхаҵа бзиа дызбоз, зхәыҷқәа гәцаракны изааӡоз анын ҳәа дрыԥхьаӡоит аҭоурыхҭҵааҩцәа<ref>Нерсесянц, 1977, с. 100.</ref><ref name="sfnf3dea3">Кессиди, 1988, с. 18—20.</ref><ref>Суриков, 2011, с. 143.</ref>.
Сократ ихааныз, аха еиҳа еиҵбыз [[Ксенофонт]] ҩынтә Ксантиппа лҟазшьа бааԥс аӡбахә иҳәоит. Сократи иԥеи реицәажәара иазку «Агәалашәарақәа» рҿы Лампрокл иан абарҭ аҟазшьарбагақәа лиҭоит: ''«лҟазшьа хьанҭа аӡәгьы изычҳауамызт»'', ''«убас еиԥш дцәажәоит, уи смаҳарц азы сыԥсҭазаара зегьы ахҭынҵара сазыхиоуп »''<ref>Ксенофонт, 2003, [[Воспоминания о Сократе]] II. 2.</ref>. «Ачараҿы» [[Антисфен]] дҵаауеит: ''«Ус иҟазар угәаанагара, Сократ, нас Ксантиппа дышԥаумааӡои, адунеи аҿы зегь раасҭа зҭыӡшәа цәгьоу аԥҳәыс ушԥалыцынхо, ааи, уи лҩыза дыҟамызт, дагьыҟалаӡом ҳәа сгәы иаанагоит?»''. Сократ иҵаҩы имаикӡом, иԥҳәысгьы длыдгылаӡом. Ихы ирқьиошәа, иара апрофессионалтә ҽыбӷаҟазацәа ихы рыҿирԥшуеит. Иухымхәыцуа аҽы аиааира зылшо, егьырҭ зегьы риааира изымариахоит. Иара убасҵәҟьа Сократгьы, Ксантиппа лычҳара анилша, егьырҭ ауаа рнааларагьы изымариахоит<ref>Ксенофонт, 2003, [[Пир (Ксенофонт)|Пир]] 2. 10.</ref><ref>Нерсесянц, 1977, с. 99.</ref><ref name="sfnf3dea3" />. Анемец философ [[Ницше, Фридрих|Фридрих Ницше]], Сократ ихаҭара ашьақәыргылараҿы Ксантиппа лроль дуны ибон. Иԥҳәыс лҟазшьа ӷәӷәа иахҟьаны, Сократ аҩны иԥсы изшьомызт. Уи алагьы Ксантиппа лхаҵа ''«адәаҿы, насгьы усда-ҳәысда дныҟәо, дцәажәо иахьабалак анхара илырҵеит, убри алагьы афинтәи адәахьтәи адиалектик дуӡӡа дшьақәлыргылеит»''<ref>Ницше Человеческое, слишком человеческое, 1990, с. 428, VII. 433.</ref>.
Ихьшәоу автор [[Диоген Лаэртский|Диоген]] Лаерттәи (180—240) Сократи Ксантиппи ирызку аларҵәара зауз лафқәак ааигоит. Изаамҭанытәиу аимак ашьҭахь Ксантиппа лхаҵа аӡы аниқәылҭәа, Сократ ҿааиҭит: «Ксантиппа зны адыд-мацәыс дәықәылҵоит, нас ақәа лалышьҭуеит»<ref>Диоген Лаэртский, 1986, с. 104, II. 36—37.</ref><ref>Суриков, 2011, с. 143—144.</ref>. Сократи иԥҳәыси имариамыз реизыҟазаашьақәа ирызку ажәабжьқәа цәырҵуан антикатәи аамҭазы адагьы, уи ашьҭахьтәи аепохақәа раангьы. Убас, Сократ идыркылоит, ахаҵа ԥҳәыс дааигароуп; дманшәалахар, иԥҳәыс дыбзиахар — насыԥ иоуеит, дманшәалахом — дфилософхоит ҳәа иҟоу аҳәамҭа<ref name="cyberleninka-4145" />.
=== Сократ — Афины атәылауаҩ ===
[[Афаил:Socrates in Battle of Potidaea protecting Alcibiades (Basin).jpg|300px|thumb|left|П.В. [[Басин, Пётр Васильевич|Басин]]. [[Осада Потидеи|Потидеиа]] имҩаԥысуаз аибашьраҿы Сократ [[Алкивиад]] дихьчоит. 1828, Аҳәынҭқарратә Аурыс музеи.]]
Сократ данқәыԥшыз еибашьрақәак дрылахәын. [[Осада Потидеи|Потидеиа]] амацәаз ианҭаркуаз (432—430 шықәсқәа) уи аамҭазы 18 шықәса аарла изхыҵыз [[Алкивиад]] қәыԥши иареи қьалак аҿы инхон. Амацәаз иҭакыз рабашьрақәа руак аҿы, Сократ иҩыза қәыԥш аԥсра дацәихьчахьан. Шықәсқәак рышьҭахь, 424 шықәсазы [[Сражение при Делии|Делиа]] имҩаԥысуаз аибашьраан Алкивиад Сократ деиқәирхахьан. Афинаа рзы ажәылара маншәаламхеит. Ианхьаҵуаз аҽыуаҩ Сократ ашәарҭара дышҭагылаз гәеиҭан, дицхраарц днеит<ref name="sfn9c3ad2">Суриков, 2011, с. 129.</ref>. Диоген Лаерттәи иҟны иарбоу даҽа версиак ала, Делиа аибашьраан Сократ [[Ксенофонт]] деиқәирхеит. 424 шықәсазы Ксенофонт 6 шықәса инарзынаԥшуа ишихыҵуаз ҳасаб азуны, аверсиа аиашара агәыҩбара узцәырнагоит. 422 шықәсазы Сократ [[Битва при Амфиполе|Амфиполь]] абашьра далахәхеит<ref>Суриков, 2011, с. 256.</ref>. Иара убас, II ашәышықәсазтәи ажәытә бырзен географ [[Павсаний (географ)|Павсаниа]] ишиҳәо ала, Сократ данқәыԥшыз дыскульпторын. Иара афинтәи [[афинский Акрополь|Акрополь]] аҩналарҭа аԥхьа иқәгылаз, алахҿыхреи аԥсҭазаара иацу агәырӷьареи рынцәахәқәа -аҳаритцәа рбаҟақәа аԥиҵеит<ref>Павсаний, 1996, IX. 35. 7.</ref><ref>Кессиди, 1988, с. 15.</ref><ref>Суриков, 2011, с. 59.</ref>.
Сократ ихаҭара шьақәгылон Ажәытәӡатәи Афины адемократизациа аизҳара аамҭазы. Сократ адемократиахь имаз азыҟазаашьа еиԥшымызт, ақалақь аполитикатә шьақәгылашьа ахаҭа еиԥш. Аполис аҿы аус руан азакәанқәа, урҭ рыдкыларазы иуадаҩу абиурократиатә система ыҟан, иара убас Жәлар реизара ақәҵарақәа — [[Псефизма|апсефизмқәагьы]]. Хәыҷы-хәыҷла азакәанқәеи апсефизмқәеи реиԥшымзаара ыӡуан. Афины адемократиа ас еиԥш аҭагылазаашьақәа рҿы [[Охлократия|охлократиаҟа]] аиҭаирахь ииасуан —ажәлар рымчра, демос еицырдыруаз аԥызацәа — [[демагог|адемагогцәа]] иҳәаақәырҵоз. Сократ иҵаҩцәа Ксенофонти Платони адемократиа ргәы азыбылуамызт. Ксенофонт изы идеалтәу аҳәынҭқарратә напхгараны иҟаз спартантәи аолигархиа акәын, Платон изы — афилософ-аҟәыӷа имчра, иаагозар, [[Тарент]] инхоз [[Архит Тарентский|Архит]] иеиԥш. Уи аҩыза ахәшьарақәа Сократ ихәыцрақәа ҳәа рыларҳәон. Адиалог «[[Критон (Платон)|Критон]]» аҿы ишьра маҷк шагыз Сократ иҳәоит: ''«Уажәшьҭа аиҳараҩык иҳазкны ирҳәо акәымкәа, сыхаара, ииашоуи, ииашами еилызкаауа ауаҩы иаҳзиҳәо ауп игәцараҳкша — иара ихала дыҟоуп, насгьы аиаша ахаҭа ауп»''. Арҭ ажәақәа Сократ идунеихәаԥшышьазы алкаа ҟарҵоит. Уи дыздемократхомызт, избанзар уи иҵара зегьы иаҿагылон. Иааидкыланы адемос еилыркаауан Сократ дара дышрыдгыламыз. Адемократиа излазгәанаҭоз ала, аиҳараҩык ргәаанагара зиашоу ажәлар ахьадгыло азы мацара ауп. Сократ изы аӡәы, аха акры еилызкаауа ауаҩы ихәыцрақәеи иажәақәеи,ауаажәларра ргәаанагара аасҭа ихадан<ref>Суриков, 2011, с. 230—237.</ref>.
Сократ ажәлар ргәаанагара дшақәшаҳаҭмыз еиҳа еилыкка иааԥшит астратегцәа рус анырыӡбоз. 406 шықәсазы [[Битва при Аргинусских островах|Аргинустә]] дгьылбжьахақәа рҿы ицоз Пелопоннесстәи аибашьраҿы афинаа аспартанеццәа ириааит, уи аҵыхәтәантәи иааира духеит дара рзы. Астратегцәа аҩныҟа ианыхынҳә ахьӡ-аԥша, аҳаҭырқәҵара акәымкәа, иҭахаз рыԥсыбаҩқәа анышә раҭаразы иаарымгеит ҳәа ахара рыдырҵеит, уи динхаҵаратә цәгьоура хьанҭоуп ҳәа иԥхьаӡан. Еиуеиԥшым авариациақәа рыла Сократ уи аамҭазы [[Притания|пританын]], ма [[эпистат|епистатын]]. Арҭ амаҵзурақәа афинаа аҵәҭаԥсарала ирырҭон, иааныркылар рылшон 30—40 (пританаа), мамзаргьы мышкы (епистат) иалагӡаны. Адемагогцәа рныррала ажәлар астратегцәа ашьра рықәҵаразы азҵаара абжьыҭарахь инаргарц ианықәгыла аамҭазы, Сократ уи зынӡа даҿагылеит, избанзар ас еиԥш абжьыҭара закәаным ҳәа иԥхьаӡон. Сократ заҵәык ипозициа акгьы амԥсахӡеит, ар рԥызацәагьы ршьит, уи Афины азы атрагедиатә хҟьаԥҟьақәа аанагеит<ref>Суриков, 2011, с. 270—275.</ref>.
404 шықәса мшаԥымзазы, аспартанеццәа рҿаԥхьа Афины акапитулиациа ҟанаҵар акәхеит. [[Фераменов мир|Ферамен]] иҭынчра анапы анаҵарҩы ашьҭахь, адемократиатә шьақәгылашьа аолигархиахь иԥсаххеит. Амчра ҿыц аҭоурых ианылеит «Ҩажәижәабаҩык ртирание» ахьыӡны. [[Тридцать тиранов (Афины)|Атиранцәа]] рхыԥхьаӡараҿы иҟан Сократ изааигәаз ауаагьы — [[Ферамен]], [[Критий|Крити]], [[Хармид (сын Главкона)|Хармид]]. Амчра ҿыц афинаа ргәалашәараҿы иаанхеит усӡбарада, усеилыргарада имҩаԥыргаз ашьрақәа рыла. Атиранцәа рнапхгара аамҭа иалагӡаны зықьҩыки бжаки рҟынӡа ауаа ҭархан<ref>Суриков, 2011, с. 275—278.</ref>.
Антикатә хыҵхырҭақәа рҿы еиԥш, ҳаамҭазтәи ахыҵхырҭақәа рҿгьы Сократ арежим ҿыц дымшәаӡакәа акритика азызуа иакәны дцәыргоуп<ref>Суриков, 2011, с. 278—279.</ref>. Ксенофонт ишиҳәо ала, Сократ иҳәеит: ''«Сара сгәы излаанаго ала, оумашәа иубарын, ажәқәа рыԥсаса рыхьча, ажәқәа рхыԥхьаӡареи рхаҭабзиареи агзырхо ауаҩы сыхьча бааԥсуп ҳәа ихы имыԥхьаӡозар; аха еиҳагьы акалашәа иубоит, аҳәынҭқарра напхгаҩыс иҟалаз, атәылауаа рхыԥхьаӡареи рхаҭабзиареи зырмаҷуа ауаҩы, уи дахьацәыԥхамшьо, аҳәынҭқарра анапхгаҩы бааԥс ҳәа ихы ахьимыԥхьаӡо»''<ref>Ксенофонт, 2003, с. 38, [[Воспоминания о Сократе]] I. 2. 32.</ref>. Сократ ицәгьа атиранцәа ианрарҳәа ашьҭахь, урҭ афилософ иԥхьеит. Уи аԥхьа дара закәанла «ажәа аҟазара арҵара» азин рымырхит. Сократ Критии [[Харикл (один из Тридцати тиранов)|Харикли]] данрацәажәоз драҵааит: «Избан ажәа азҟазара аҽацәырыхьчаразы адҵа зыҟашәҵо, — избанзар уи, шәара шәгәаанагарала, ииашаны, ма ииашамкәа ацәажәара иацхраауама?» Харикл дгәаан, Сократ иахь ихы нарханы, аҿар рыҿцәажәара азин умам иҳәеит. «Арԥыс иҟны акы ааухәарц уҭахызар, ахә еилукаар ҟалома?» — дҵааит Сократ. Ас еиԥш иҟоу азҵаарақәеи аҭакқәеи рышьҭахь, Харикл иаахтны Сократ диқәмақарит: «уахәаԥш, уаргьы ажәқәа рхыԥхьаӡара армаҷра уқәымшәааит»<ref>Суриков, 2011, с. 278—282.</ref>.
Диодор Сицилиатәи ишиҳәо ала, Ферамен дыршьырц ргәы ианҭаз, Сократ иҵаҩцәеи иареи ахара здырҵаз аполитик ицхырааразы инеиз: ''«Аиҳараҩык, Ферамен дрыцҳашьан иҵәыуон, аха икәшан игылаз хыԥхьаӡара рацәала аҟарулцәа ирыхҟьаны ицхыраара рзыгәаӷьуамызт. Иаразнак афилософ Сократи иҩызцәа гәакьақәа ҩыџьеи абӷьааҳәа ԥхьаҟа идәықәлеит аҟарулцәа ирԥырхагахарц азы. Аха Ферамен дрыҳәо далагеит иҟалаз рхы аныдрааларц, реиҩызареи ргәымшәареи рыхә шишьо атәы иҳәеит, аха иара ихаҭа изы гәырҩа дуны иҟалоит, иҩызцәа гәакьақәа иара ихҟьаны иҭахар. Сократи ицхырааҩцәеи, аӡәгьы дрыцхраарц дахьымнеиз азы, амчра змаз ргәымбылџьбарара еиҳагьы ишацлоз анырба, наҟ ихьаҵит»''<ref>Диодор Сицилийский, 2000, XIV. 5.</ref>. Иарбоу аршаҳаҭга гәрамгарҭас иҟарҵоит, избанзар уи I ашәышықәса аҭоурыхҭҵааҩ дахцәажәеит, аха Сократ ихааныз рҿы зынӡагьы иаарԥшӡам. Иҟалап «ацқьа» ихаҿсахьа аԥызҵоз Платони Ксенофонти, Сократи Ферамени реимадара атәы раҩрыжьзар. Аҵыхәтәантәи, афинаа ргәаанагарала, Критии егьырҭ аолигархцәеи реиԥш дтиранын<ref>Суриков, 2011, с. 282—285.</ref>.
Атиранцәа, Сократ аоппозициа дшыҟазгьы, азин наӡа змоу х-нызқьҩык атәылауаа рсиа данырҵеит. Асиа аиқәыршәараан аолигархцәа раԥхьа иргыланы аполитика-идеологиатә хшыҩзцарақәа ирыхәаԥшуан, ахьӡ-аԥша, амазаратә ҭагылазаашьа уҳәа ракәымкәа<ref>Суриков, 2011, с. 282—283.</ref>. Атиранцәа Еллада еицырдыруа афилософ адемократиаҿагыларатә ҵысра даидеологны дҟарҵар рҭахын. Сократ дышрыдгылаҩымыз анеилыркаа, ишԥаизныҟәатәу ҳәа азҵаара ықәгылеит. Урҭ ишакәхалак афилософ дара рган иадыԥхьаларазы агәыӷра рцәыӡуамызт. Ари аконтекст ала уазнеир ҟалоит ихьымӡӷу [[стратег|астратег]] [[Леонт Саламинский|Леонт Саламински]] ирбаандаҩра иазку аҭоурых. Ахҭыс инҭырҳәцааны [[Платон]] дахцәажәеит. «Сократ [[Апология Сократа (Платон)|иапологиаҿы]]» ирҵаҩы иус анырыӡбоз ииҳәаз ажәахә аан абарҭ иажәақәа ааигоит: ''«аолигархиа аныҟала, Ҩажәижәаҩык, сареи даҽа ԥшьҩык атәылауааи апалата Гьежь ахь иҳаԥхьеит, Саламинынтәи Саламинтәи Леонт даҳшьырц ҳадырҵеит. … ари аиҳабыра егьа амч ду рымазаргьы, сара урҭ убриаҟара сыдмыршәеит, ииашам акы ҟасҵартә еиԥш, аха апалата Гьежь ҳанаадәылҵ, аԥшьҩык Саламинҟа ицан Леонт дааргеит, сара аҩныҟа сдәықәлеит. Излазбо ала, уи азы сыԥсыр акәхон, хара имгакәа аиҳабыра еиламҳазҭгьы»''<ref>Платон, 1990, с. 86—87, [[Апология Сократа (Платон)|Апология Сократа]] 32 c—e.</ref><ref>Nails, 2002, p. 185—186.</ref>. Платон иҳәамҭақәа рхырхарҭала, антикатәи авторцәа реиԥш ҳаамҭазтәи авторцәагьы, Сократ акы иацәымшәо, аԥсрагьы убрахь иналаҵаны, атираниа аӷа иакәны даадырԥшуеит. Убас, иаагозар, [[Диоген Лаэртский|Диоген]] Лаерттәи иҩуан, Крити идҵа анагӡара мап ахьацәикыз Сократ игәаанагарақәа рыӷәӷәареи адемократиа дшадгылози аанарԥшуан ҳәа<ref>Диоген Лаэртский, 1986, II. 24.</ref>. Антикаҭҵааҩцәа А. Ф. [[Лосев, Алексей Фёдорович|Лосеви]] А. А. [[Тахо-Годи, Аза Алибековна|Тахо-Годии]] атиранцәа рхаан Сократ ''«ашьра аарла дацәцеит, аха, дзыцәцада? Иҵаҩцәа ҳәа ирыԥхьаӡоз Критиеи [[Хармид (сын Главкона)|Хармидеи]] роуп»'' ҳәа рыԥхьаӡон<ref>Лосев, 1993, с. 24—25.</ref>. Аха афрагмент инҭырҳәцааны уанахәаԥшуа, иубар алшоит еиҿагыларақәак. Леонт дыршьит 404 шықәсазы, убри аан атиранцәа амчра рцәыӡит 403 шықәса, лаҵарамзазы. Убри аҟынтә аҳәамҭа ''«уи азы сыԥсыр акәхон, аиҳабыра хара имгакәа еиламҳазҭгьы»'' иашаӡам. Атиранцәа акритика шырзиуазгьы, Сократ апринципқәа шимазгьы, афилософ урҭ рнапхгараан зынӡагьы ԥырхага имоуит. Ари аепизод аҿы, иԥхашьароу аус анагӡаразы анапынҵеи, аҳәатәхамҵаразы ахьырхәра аҟамзаареи, атиранцәа Сократ илахәмаруан ҳәа азуҳәар алшоит. Иара убасгьы, Сократ иҳәатәхамҵаразы ашьақәырӷәӷәарақәа рхыҵхырҭа аҷыдарақәа хшыҩзышьҭра рыҭатәуп. Платон итрактат аҿы, ирхааныз ауаа рҿаԥхьа ирҵаҩы дириашон даныршь ашьҭахь. Аӡбарҭаҿы ииҳәаз адагьы, Поликрат ашьҭахь иҟаиҵаз ахараҵарақәагьы иашам ҳәа аҳәара иҽазишәон. Платон итрактат аҟны, Сократи атиранцәеи реилибамкаарақәа мыцхәы рызхьаԥшра, Сократ аолигархиа дадгылаҩын ҳәа ауаажәларра ирымаз агәаанагара аанарԥшыр алшоит<ref>Суриков, 2011, с. 278—281, 286.</ref><ref name="sfna5b191" />.
Ихааныз ауаа Сократ идинхаҵаратә дунеихәаԥшышьақәа еилыкка еилкааны ирымамызт. Аристофан 423 шықәсазы асценаҿы, анаҩс Мелет ауӡбарҭаҿы Сократ итрадициатәу аолимпиатә нцәахәқәа мап рыцәкреи, анцәахәы ҿыцқәа ралагалареи рзы ахара идырҵеит. Даҽакала иаҳҳәозар, ианеиҵаха афинаа рыхәҭак Сократ Анцәа дхазымҵо иакәны дрыԥхьаӡон. Сократ ихаҭа, нас иҵаҩцәа реиԥш, идырҵаз ахара дақәшаҳаҭмызт. «Даимони», иааидкыланы уахәаԥшуазар, ажәытә бырзенцәа рынцәахаҵарақәа ирҿагыломызт. Иара убри аан, [[Дилемма Евтифрона|Евтифрон идилеммақәа]] ҳәа хьӡыс изауз азҵаара автор Сократ иоуп ҳәа ԥхьаӡоуп. ''«Анцәа дхазҵо анцәақәа бзиа дырбоит, избанзар уи анцәа дахьхаиҵо азы, мамзаргьы анцәақәа бзиа дахьырбо азы, анцәа дхаиҵоу?»''. Раԥхьатәи апостулат шьаҭас иугар, излаабо ала, «аморали» «абзиареи» раԥхьа игылоуп, уи анцәа зыԥсы ҭоу зегь рахь имоу ахылаԥшра анҭыҵ ауп иахьыҟоу, уи анцәақәа рымч-рылшара гәрамгарҭас иҟанаҵоит. Иарбоу ахшыҩҵак, даҽакала иуҳәозар, [[атеизм|атеисттә]] ҟазшьа амоуп. Ахымҩаԥгашьа анцәақәа ус ахьрыдырҵо азы мацара моралла ииашазар, хымҩаԥгашьак аҭагылазаашьақәа инарықәыршәаны, зны ииашазар ауеит, зных ииашамкәа иҟалар. Зегьы зхьыԥшхо аус анымҩаԥырго иалкаау аамҭазы анцәахәы игәаанагара ауп. Иара убас, [[политеизм|аполитеизм]] аамҭазы уск нцәак игәаԥхар, даҽа нцәахәык игәамԥхар алшоит. Ҿырԥштәыс иааҳгозар, [[Зевс]] ибзиабаҩцәа руаӡәк лахь имаз ацәаныррақәа, иԥҳәыс [[Гера]] лгәы ԥнажәалоит. Ҳаамҭазтәи аҵарауаа аполитеизм апарадигмаҿы Евтифрон идилемма аҭак хьаҳәа-ԥаҳәарада ирзыԥшаауам. Ҳаамҭазтәи агәаанагарақәа изларҳәо ала, Сократ нцәа дхазымҵоз иакәмызт, аха иара идинхаҵара, анцәақәа ирызку ажәытәӡатәи абырзен дунеихәаԥшышьақәа иреиԥшымызт. Ифилософиатә ԥшаарақәа ирыхҟьаны иԥсабаратәу атеологиа цәырҵит, уи анцәа идырра азԥхьагәанаҭон хшыҩла азхәыцрала. Ашьҭахь ари ахырхарҭа аҿиара аиуит Платон, [[Стоицизм|астоикцәа]] уҳәа антикатә философцәа русумҭақәа рҿы<ref>{{ВТ-ЭСБЕ|Сократ|[[Радлов, Эрнест Леопольдович|Э. Л. Радлов]]|том=XXXa}}</ref><ref>{{статья
|автор = Степанова Е. А.
|заглавие = Теория божественного повеления: логическое опровержение и теологическое оправдание
|ссылка = https://cyberleninka.ru/article/n/teoriya-bozhestvennogo-poveleniya-logicheskoe-oproverzhenie-i-teologicheskoe-opravdanie
|издание = Вестник Православного Свято-Тихоновского гуманитарного университета. Серия 1: Богословие. Философия. Религиоведение
|год = 2020
|выпуск = 87
|страницы = 70—86
|issn = 2409-4692
|doi = 10.15382/sturI202087.70-86
|ref = Степанова
|archive-date = 2021-06-05
|archive-url = https://web.archive.org/web/20210605041421/https://cyberleninka.ru/article/n/teoriya-bozhestvennogo-poveleniya-logicheskoe-oproverzhenie-i-teologicheskoe-opravdanie
}}</ref><ref>Mcpherran, 2010, p. 111—119.</ref>.
=== Сократ иус аӡбара ===
[[Афаил:Socrates Address by Belgian artist Louis Joseph Lebrun, 1867.jpg|thumb|Л. Лебрен. Сократ аӡбарҭаҿы дықәгылоит. 1867. Ахатәы еизара]]
399 шықәсазы Сократ иус аӡбарҭахь инарышьҭит. Аӡбаратә еилатәаразы антикатә дыррақәа жәпакы рҵакқәа еиҿагылоит, убри азы ҳаамҭазтәи аҭоурыхҭҵааҩцәа агәыҩбара рызцәырыргоит. Ахарадҵара азеиԥш формула Диоген Лаерттәи иҟны иазгәаҭан<ref>Суриков, 2011, с. 290.</ref>. Уи убас иҟан: ''«Сократ ақалақьуаа ҳаҭыр зқәырҵо анцәақәа ҳаҭыр ахьрықәимҵо, анцәахәы ҿыцқәа ахьалеигало азы ахара идҵоуп, иара убас ақәыԥшцәа бжьихуеит; уи дахьырхәтәуп — ашьра иқәҵатәуп»''. Афилософ ишьҭашәарыцара аус аиҿкааҩ хадас дыҟан акыр зымчыз аполитик [[Анит (сын Антемиона)|Анит]]. [[Мелет]] аофициалтә харадҵаҩ ироль изалхын. Мелет идгыларазы Сократ иҿагылаз еиҭа ажәахәқәа маҷымкәа Анит иман дықәгылеит. Антикатәи ахыҵхырҭақәа Анит ихымҩаԥгашьа ашьыцреи, Сократ аполитикцәеи анапҟазацәеи акритика ахьырзиуази ирыдырҳәалон, Версиак ала, Анит иоуп аӡбарҭаҿы Мелет дзыԥхьаз ахарадҵаратә ажәахә зҩыз, даҽа версиак ала — Мелети Анити ражәахәқәа равтор, асофист [[Поликрат (софист)|Поликрат]] иакәын<ref name="sfn24498f" /><ref name="sfn122ddd" /><ref>Зберовский, 2007, с. 148—150.</ref><ref>Горан, 2007, с. 53.</ref>.
Ҳаамҭазтәи аҵарауаҩ А.Хатцис, Анит Сократ ахара ахьидиҵаз еиҳа иҵаулаз амзызқәа аман ҳәа иԥхьаӡоит. Сократ аиҳараҩык рнапхгара аидеиеи [[демос]] ҳәаа змамыз адиктати акритика азиуан. Уи иаанагомызт афилософ адемократиа даҿагылон ҳәа. Иара азакәан анормақәа зегьы ирықәныҟәаны ирыдыркылаз дадгылон, адемагогцәа иааиԥмырҟьаӡакәа аманипулиациа ззыруаз ажәлар, иаалырҟьан аизарақәа рҿы ирызцәырҵуаз агәаанагара акәымкәа. Ари аҩыза акритика, ҳәарас иаҭахузеи, адемократиатә партиа аполитикцәа иргәаԥхомызт. Анит уи аԥхьагылаҩцәа дыруаӡәкын, аусӡбараҿы адемократцәа зегьы «иманшәалам» афилософ иахь ирымаз агәаанагара ааирԥшуан<ref>Медовичев, 2017, с. 18.</ref>.
Аҭоурыхҭҵааҩ Е. Д. [[Фролов, Эдуард Давидович|Фролов]] Анит ихымҩаԥгашьа, Сократи иареи ирымаз аидеиатәии хаҭалатәии аконфликтқәа аҵибаауеит. Анит ихымҩаԥгашьаҿы адемократиа адгылара аидеиақәа дрықәныҟәон ҳәа агәаанагара иашазар, «иџьашьахәу» афилософ ишәарҭоу аӷаны дибар илшон. Аӡәырҩы Афины зықәшәаз арыцҳарақәа рзы аҭакԥхықәра, Сократ иҵаҩцәа [[Критий|Критии]] Алкивиади мацара ирыдырҳәаломызт, иара афилософ ихаҭагьы ахара идырҵон. Хаҭалатәи аконфликтқәа, Платон игәра угозар, цәырҵит Сократ афинытәи аполитикцәа дуқәа, «адемократиа ашьаҟақәа», [[Фемистокл|Фемистокли]], [[Аристид|Аристиди]], [[Перикл|Перикли]] рыҷкәынцәа аԥсыцқьара ахьрыдмырҵаз азы акритика ахьырзиуаз азы. Иҟалап Анит иԥагьы афилософиатә ҵара ҿыц хшыҩзышьҭра аиҭозҭгьы, уи акыр зылшоз аб-аполитик игәы ԥнажәон<ref>Фролов, 1991, с. 275.</ref>.
Сократ иус аӡбара апроцесс аарԥшуп еиқәханы иҟоу Платони Ксенофонти рырҿиамҭақәа ҩба рҿы, «Апологиа» ҳәа иреиԥшу ахьӡ змоу ({{lang-grc|ἀπολογία}})<ref>Суриков, 2011, с. 292.</ref>. Ксенофонт иакәымзар, Платон аус ӡбара далахәын, убри аҟнытә аҭоурыхҭҵааҩцәа реиҳараҩык ахҭыс ахцәажәараан итрактат ауп аԥыжәара зырҭо. Убри аан, дара иазгәарҭоит Платон иҩымҭақәа рҿы ихатә хәыцрақәа шааирԥшуаз, Сократ иажәақәа рхы иақәиҭны ишеиҭеиҳәоз. Иара убри аан,апроцесс, «Апологиа» анырҩуаз иадукылозар, ааигәа имҩаԥысыз хҭысын. Платон адетальқәа реиҭаҳәараҿы хақәиҭра дук ааирԥшрымызт, избанзар уи хымԥада, иҿагылақәоз рганахьала акритика ӷәӷәа цәырнагон<ref>Нерсесянц, 1977, с. 117.</ref><ref>Платон, 1990, с. 690, Комментарии к «Апологии Сократа» [[Лосев, Алексей Фёдорович|А. Ф. Лосева]].</ref><ref name="sfn3a55f3" /><ref name="sfna5b191" /><ref name="sfn0d3ebf" />.
Сократ иус рыӡбон 501 – ҩык Афины атәылауаа-агелиастцәа усҟантәи аамҭазы истандартыз апроцедурала. Аилатәара маӡалатәи абжьыҭарақәа ҩба азԥхьагәанаҭон. Аганқәа рықәгылара ашьҭахь [[гелиаст|агелиастцәа]] ахара здырҵо идыҵәҟьоу идму рыӡбон. Идуп ҳәа аӡбамҭа рыдыркылар, иара ҩаԥхьа ақәгыларазы алшара ирҭон. Ахара здырҵо аӡбаҩцәа ирыдигалар акәын ихаҭа иқәнагоуп ҳәа ииԥхьаӡоз ахьырхәра. Маҷк аршәара алацәажәара феида аламызт, избанзар уи аӡбаҩцәа еиҳа иџьбараз ахьырхәрахьы иианагон. Раԥхьатәи абжьыҭираҿы Сократ 281 «еиқәаҵәоу» акәымпылқәа иоуит, 220 «ишкәакәоу» акәымпылқәа. Уи ашьҭахь, Сократ ахараԥса идыршәарц азы аҳәара ҟаиҵар илшон, ма дыхдырҵәарц азы, афилософиатә еицәажәарақәа мап рыцәкразы уҳәа, уи аҭыԥан иара ихымҩаԥгашьазы ахьырхәра акәымкәа, Ажәытәӡатәи Афины иреиҳаӡоу ҳамҭаны иҟаз — [[Пританей|апританеи]] аҿы иԥсраҽнынӡа хәыда-ԥсада шьыбжьхьафара дшаԥсоу атәы иҳәеит. Аха, аӡбарҭа иднаҵозар, иара ажәалагала ҟаиҵеит 30 [[Мина (единица измерения)|мин]] (13 кьыла рҟынӡа араӡны) ахараԥса ишәарц азы, уи азы хәдықәҵаҩцәас аҟалара иазыхиан Платон, [[Аполлодор Фалерский|Аполлодор]], [[Критон]], Критобул<ref>{{книга
|автор = [[Зварич, Владимир Васильевич|Зварич В.В.]]
|часть = Талант
|ссылка часть = http://www.numizm.ru/html/t/talant.html
|заглавие = Нумизматический словарь
|ссылка = http://www.numizm.ru/
|издание = 4-е изд.
|место = Львов
|издательство = Высшая школа
|год = 1980
|страницы =
|ref = Зварич
|archive-date = 2011-08-20
|archive-url = https://web.archive.org/web/20110820012819/http://www.numizm.ru/
}}</ref><ref>Платон, 1990, с. 93, "Апология Сократа" 38 b.</ref>. Ахьырхәра акәымкәа аҳаҭырқәҵарақәа саԥсоуп ҳәа Сократ иахьиҳәаз, аӡбаҩцәа аҵәы рылаиҵозшәа днарбеит. Аҩбатәи абжьыҭараҿы агелиастцәа афилософ ашьра иқәырҵеит<ref>Суриков, 2011, с. 296—310.</ref>.
Сократ иус ӡбараҿы ииҳәоз ажәахәқәа аҭагылазаашьа азы иманшәаламызт. Ҳаамҭазтәи авторцәа реиԥш, антикатәи авторцәагьы Сократ иԥсҭазаара аиқәырхара хықәкыс имамызшәа агәаанагара рызцәырҵуан. Иара ихы иаимырхәеит Ажәытәӡатәи Афины ахара здырҵо еиҳарак рхы иадырхәақәоз амаанақәа — аӡбаҩцәа ргәшаҭарахь ааԥхьареи, аԥшәма хаҵа, аб дрыцҳаршьарц азы иԥҳәыси ихәыҷқәеи аҳәара ҟарҵарц азы радыԥхьалареи. Уимоу, Сократ уи зус рыӡбо иеиԥш, аӡбаҩцәагьы рыпату шыланарҟәуа атәы иҳәеит, урҭ рыӡбамҭақәа рҿы азакәанқәа рымацара ирықәныҟәалароуп ҳәа нараҭеикит. Сократ иҵаҩцәа руаӡәк [[Гермоген (философ)|Гермоген]] игәалашәарақәа Ксенофонт иааирԥшуеит. Иааигәахоз апроцесс дазхәыцларц Гермоген Сократ ианиабжьига, сыԥсҭазаара зегьы ари ахҭыс аҽазыҟаҵара акәын изызкыз ҳәа ҭакс ииҭеит. Гермоген ирҵаҩы дааникыларц далагеит, акгьы ахьихарам ахырқьиара гарантс ишамам еилиркаарц иҽазԥишәеит. Сократ ихаҭагьы аҭагылазаашьа шыҟаҵәҟьоу бзианы ишеиликаауа атәы иҳәеит, аха аҩныҵҟатәи абжьы («[[даймоний|даимони]]») дыԥсыр еиҳа изеиӷьуп ҳәа шаԥхьаӡо атәгьы иҳәеит<ref>Ксенофонт, 2003, с. 164—167, Воспоминания о Сократе. IV. 8.</ref><ref>Nails, 2002, p. 163.</ref>. Анемец философ [[Гомперц, Теодор|Теодор Гомперц]] «анцәахамҵара» азы ахарадҵа агәыцә акыр иӷәӷәан, уи аҿаԥҽра Сократ илшомызт ҳәа иԥхьаӡон<ref>Гомперц, 1999, с. 78.</ref>. Анемец философцәа рҟынтә даҽаӡәы, Ф.[[Ницше, Фридрих|Ницше]] - Сократ иусӡбареи ахара идырҵази еихишьаалеит ҳәоук ала: ''«Сократ дыԥсыр иҭахын: Афины акәмӡам ашҳам зҭаз аҿа изҭаз, иара ихаҭа ихы иаиҭеит, Афины уи аҿа инаҭартә иҟаиҵеит…»''<ref name="sfnab064e" />.
Ахара анидырҵа ашьҭахь Сократ иҵра иадгылоз иҵаҩы [[Критон]] аҟарулцәа раахәара дазхиан, ирҵаҩы ихы дақәиҭитәырц азы. Анаҩс Критон идгылоз аҩызцәа ахьыҟаз [[Фессалия|Фессалиаҟа]] ииагара планс иман<ref>Платон, 1990, с. 99, Критон 45 c.</ref>. Диоген Лаерттәи иверсиала, ари аԥшьгара аҵаҩцәа даҽаӡәы — [[Эсхин из Сфетта|Есхин]] Сократик иҟынтәи иаауан. Диоген излашьақәирӷәӷәо ала, Платон Критон иоуп ҳәа азгәеиҭон, избанзар Есхин бзиа дибомызт. Сократ ихаҭа иакәзар, Афинынтәи абналара мап ацәикит, азакәан аилагара ахәҭаӡам ҳәа ԥхьаӡаны<ref>Диоген Лаэртский, 1986, с. 110, II. 60.</ref><ref>Stenzel, 1922.</ref><ref>Золотухина, 2012, с. 99—100.</ref>.
=== Аԥсра ===
{{Врезка|Выравнивание=right
|Ширина=350px
|Заголовок=Платон. «[[Федон (Платон)|Федон]]». 117 e — 118 a
|Содержание=Сократ зны дныҟәон, нас сшьапқәа хьанҭахоит иҳәан, ибӷа днықәиеит: абас рыдиҵеит уи ауаҩ. Сократ данышьҭала ишьапсыргәыҵақәеи ишьаргәацәқәеи инапқәа нархьишьит, ԥыҭрак ашьҭахь-даҽазныкгьы. Нас ишьаргәыҵа ӷәӷәала иааирӷәӷәан, иныруама ҳәа диазҵааит. Сократ мап ҳәа аҭак ҟаиҵеит. Уи ашьҭахь ҩаԥхьа ишьаргәацәқәа инапқәа нархьишьын, маҷ-маҷ инапы аҩада дҩахо, ицәеижь шыхьшәашәоз ҳирбон. Аҵыхәтәаны даҽазныкгьы днахьысын, ахьшәашәара игәы ианазааигәахалак иԥсҭазаара далҵуеит иҳәеит.<br>Имгәа аҟынӡа даныхьшәашәаха, Сократ иҽааиртит — иҽылаҳәаны дышьҭан, — иҳәеит (урҭ аҵыхәтәантәи иажәақәа ракәын):<br>— [[Критон]], Асклепиа арбаӷь лаҳҭароуп. Нас илышәҭ, ишәхашәмыршҭын.<br>— Хымԥада, — наиқәҿиҭит уи Критон.<br>— Уаҳа акыр уҳәарц уҭахӡами?<br>Аха ари азҵаара аҭак ҟаимҵаӡеит. Ԥыҭрак ашьҭахь дааҭрысын, амаҵзуҩы ихы-иҿы ааиртит: Сократ илаԥш аангылеит. Уи аниба Критон иҿи иблақәеи аахиҩеит.
}}
[[Афаил:MAntokolski Death of Socrates.JPG|thumb|left|М. М. [[Антокольский, Марк Матвеевич|Антокольски]]. «Сократ иԥсра». 1875. Амармалташь. Аҳәынҭқарратә Аурыс музеи, Санкт-Петербург]]
Сократ иԥсра атәы аазырԥшуа ахыҵхырҭа хада [[Платон]] идиалог «[[Федон (Платон)|Федон]]» ауп. Аҩымҭаҿы иаарԥшуп афилософ аҵыхәтәантәи имш, абзиараз ҳәа иарҳәарц иааз иҵаҩцәеи иареи реицәажәара. Платон ихаҭа ари аиԥылараҿы дыҟамызт, ачымазара мзызс иҟаҵаны. Адиалог Сократ иҵаҩцәа руаӡәк — елидо-еретриатәи афилософиатә школ ашьаҭаркҩы [[Федон из Элиды|Федон]] ихьӡ ахҵоуп. Уи Федон [[флиунт|Флиунттәи]] [[Пифагореизм|апифагореиатәи]] уаажәларра алахәылацәа ирзеиҭеиҳәоз, Сократ иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи амш иазку иажәабжь ауп. Адиалог аҿы иарбоу ахҭысқәа риашара агәыҩбара узцәырнагоит. [[Афиней|Афинеи]] излашьақәирӷәӷәо ала, Федон ихаҭа атрактат данаԥхьа, ус иҳәеит: ''«саргьы ус акгьы иасымҳәаӡеит, иара иҟынтәигьы исмаҳаӡеит»''<ref>Афиней, 2003, XI. 113.</ref>. [[Диоген Лаэртский|Диоген]] Лаерттәи [[Фаворин]] иажәақәа шьаҭас иганы, адиалог «Федон» иадҳәалоу лафк ааигоит. Платон иҩымҭа данаԥхьоз, [[Аристотель]] ида, иазыӡырҩуаз зегьы ахыркәшара иазымԥшӡакәа ицеит<ref>Диоген Лаэртский, 1986, с. 151—152, III. 55, 58.</ref>. Урҭ ахьеимпыз мзызс иамоу еилкаамкәа иаанхоит, ахцәажәарақәа рацәаны иазԥхьагәанаҭоит, иаагозар игәыԥҵәагоу агәҿыӷьреи, аҩымҭа аҵакы аилкаара ахьрылымшози инаркны, аҵакы иаҵаз акрамола азыӡыҩрра ахьырҭахымыз аҟынӡа. Анемец философ агәаанагара ааирԥшит, азыӡырҩцәа ргәы ԥнажәар шалшоз, урҭ реиҳараҩык ирдыруаз аҭоурыхтә Сократ ихәыцрақәа ииашамкәа иахьаадырԥшуаз. Аҵарауаа ишырыԥхьаӡо ала, адиалог аҿы раԥхьаӡа иргыланы ицәыргоуп зыхьӡала аиҭаҳәа мҩаԥгоу Сократ иакәымкәа, Платон ифилософиатә идеиақәа<ref>Boys-Stones, 2004, p. 1—4.</ref><ref>Эберт, 2005, с. 5—7, 25.</ref><ref>Di Lanzo, 2018, p. 226.</ref><ref name="sfn84ccad" />.
Сократ ашьра иқәҵан 399 шықәса ааԥынразы. Аусӡбара мышкы шагыз Афинантәи [[Делос|Делосҟа]] идәықәҵан иԥшьоу аӷба. Иара хынҳәаанӡа ақалақь «шыцқьаз» иаанхар акәын. Иарбанзаалак шьрак анагӡара ҟаломызт. Уи инақәыршәаны аӡбарҭа аӡбамҭа анаднакыла инаркны ашьра аҟынӡа мызкы аҟара ҵит. Излаабо ала, Сократ дызҭатәаз абахҭа афинтәи агора иҟоу жәлар рыӡбарҭа [[Дикастерий|адикастери]] азааигәара иҟан<ref>Лосев, 1990, с. 44.</ref><ref>Эберт, 2005, с. 25.</ref>.
Платон итекст излаҳәо ала, аҵыхәтәантәи амш Сократ аҵаҩцәа дрыҿцәажәо ихигеит, аԥсы шымԥсуа азы ашьақәырӷәӷәарақәа дрылацәажәон. Иҵара иадгылоз, ишьҭанеиуаз реиԥш акәымкәа афилософ дҭынчӡа дыҟан. Сократ иаарласны иԥсҭазаара дахьалҵуаз азы иҵәыуоз иҵаҩцәа ргәы ирҭынчуан. Ашҳам зҭаз аҿа изааргаанӡа, Сократ иахь иуацәеи ихәыҷқәеи абзиараз ҳәа иараҳәарцазы инаргеит. Ихьшәоу атрадициа инақәыршәаны [[Аполлодор Фалерский|Аполлодор]] Сократ ашҳам ижәаанӡа иажәыз иплашь иҿыцу ала иԥсахырц идигалеит. Афилософ уи азы абас аҭак ҟаиҵеит: ''« Анхаразы ихәарҭаз сара схатәы плашь, аԥсразы ихәарҭаӡами?»''<ref>Диоген Лаэртский, 1986, с. 104, II. 35.</ref><ref>Nails, 2002, p. 39—40.</ref>. Афилософ аҵыхәтәантәи иажәақәа ракәхеит: ''«[[Критон]], [[Асклепий|Асклепиа]] арбаӷь иаҳҭароуп. Нас ишәҭ, ишәхашәмыршҭын»''. Сократ аҵыхәтәантәи иҳәоу аҿы амедицина анцәахәы Асклепиа арбаӷь кәырбанс изыҟаҵара шхымԥадатәиу азы адиалог «Федон» аҿы, анемец философ Ф.[[Ницше, Фридрих|Ницше]] абырзен культура аиаӡаареи аилаҳареи ишалагаз атәы азгәеиҭеит. Сократ аԥсра агәабзиара аиоура, адгьылаҿ дыкны дызмоу ашьамҭлаҳәқәа рҟынтәи ахақәиҭра еиԥш идикылоит. Ажәытә Бырзентәыла иазҷыдароу аԥсҭазаара абзиабара,Сократи Платони анцәырҵ, Ницше игәаанагарала, уи мап ацәкрахьы ииасит<ref>Ницше, 1990, с. 563—564.</ref>.
== Сократ иҵареи ифилософиатә дунеихәаԥшышьақәеи ==
Антикатәи атрадициа ганрацәала еилоу ажәытә бырзен философиаҿы ҩ-лагамҭак азгәанаҭон. Акы аарԥшын [[Пифагор]] иҵаҩцәеи италиатәи афилософцәеи рыла, егьи — [[Фалес Милетский|Фалес]] иҵаҩцәа рҵаҩцәеи ишьҭанеицәеи рыла. Иониатәи [[натурфилософия|анатурфилософиа]] [[Милетская школа|ашкол]] ашьаҭаркҩы Фалес иҵаҩы [[Анаксимандр]] иакәын, уи [[Анаксимен]] аҵара иирҵеит. Урҭ русумҭақәа [[Анаксагор]] ифилософиа анырра анаҭеит. Аҵыхәтәантәи иҵаҩы иакәхеит [[Архелай (философ)|Архелаи]]<ref>Афонасин, 2006, с. 115—116.</ref><ref>Райхерт, 2012, с. 113—115.</ref>. Диоген Лаерттәи Архелаи Сократ ирҵаҩы ҳәа изиҳәоит. Аҭҵаарадырратә литератураҿы Архелаи адунеитә философиа аҿиараҿы ихаҭара анырреи илагалеи рганахьала агәрамгара аҭыԥ амоуп. Афилософ Архелаи дыҟаҵәҟьамызт,аха уи иҩыза дыҟазаргьы, Сократ акала дидҳәаламызт ҳәа агәаанагарақәа аадырԥшуан. Е. [[Целлер, Эдуард|Целлер]] игәаанагарала, [[Аристоксен]] Сократ Архелаи дидиҳәалеит, Сократ ифилософиа иониатәи анатурфилософиа ашкол ашьҭра амадара алыршаразы<ref>Целлер, 1996, с. 86—87.</ref>. Ари агәаанагара аҭҵаарадырратә литератураҿы еицрыдыркылаз акакәны изыҟамлеит. Сократи Архелаии реимадара шьақәырӷәӷәамзаргьы, аҭыԥ амазар ҟалон<ref>Суриков, 2011, с. 42—43.</ref>. Анемец философ [[Гегель, Георг Вильгельм Фридрих|Гегель]], Сократ иаԥхьа игылаз [[Анаксагор]] иакәын ҳәа иԥхьаӡон. Аматериа зырныҟәаз акосмостә Хшыҩ шыҟоу азы иҵара, Сократ адунеи идкыларазы анырра анаҭеит<ref>Гегель, 1994, с. 33—34.</ref>. Афилософ ихаҭа иакәзар, Платон ишиҳәо ала, ирҵаҩыс [[Аспасия|Аспасиа]] ихьӡ иҳәон<ref>Платон, 1990, с. 143—144, Менексен 235e — 236e.</ref><ref>Nails, 2002, p. 59—60.</ref>.
Цицерон «Тускулантәи аицәажәарақәа» рҿы Сократ иҵара абарҭ ажәақәа рыла дахцәажәеит: «Сократ иоуп раԥхьаӡа афилософиа ажәҩан аҟынтәи илбаазгаз, ақалақьқәа рҿы инирхаз, аҩнқәа ирылазгалаз, аԥсҭазаареи аҟазшьақәеи, ацәгьеи абзиеи рылацәажәара ҳалазыргаз». Уи азгәаҭаны Сократ «аетика алеигалеит» ҳәа Диоген Лаерттәи ашьақәырӷәӷәара ҟаиҵеит. Мраҭашәараевропатәи аҭҵааҩцәа «Сократтәи», «Сократ иаԥхьатәии» афилософиақәа еиҿадыргыло иалагеит. Атермин «Сократ иаԥхьатәиқәа» ахаҭа акыр еиҿагылоит. Иарбоу ахырхарҭа иахыԥхьаӡалатәуп Сократ иаԥхьа иҩуаз афилософцәа рыдагьы, уи ишьҭахь акыр ихьшәаны инхоз, акосмологиеи анатурфилософиеи рызҵаарақәа знапы рылакызгьы. Сократ иаԥхьатәии Сократтәии афилософиа аиԥшымзаара хада шьаҭас иамоуп «акосмоси» аетикатә зҵаарақәеи рыҭҵаарақәа реиҿаргылара<ref>Райхерт, 2012, с. 110—112, 117.</ref>.
=== Сократ иметод ===
[[Афаил:The Debate Of Socrates And Aspasia.jpg|thumb|Н. А. [[Монсио, Никола Андре|Монсио]], «Сократ [[Аспазия|Аспазиа]] лҟны», 1800 ш инарзынаԥшуа]]
Сократ [[Диалектика|идиалектикатә]] метод узырхәыцша азҵаарақәа рықәыргыларала аиаша аԥшаара ауп. Уаҟа иалыркаауеит х-ганк — Сократ [[сократическая ирония|иирониа]], [[Индуктивное умозаключение|аиндукциа]], [[Майевтика|амаиевтика]]<ref name="sfndf76b0">Королёва, 1998.</ref>.
Сократ изы «аирониа» иаанарԥшуан адиалог амҩаԥгашьа, аханатә аицәажәара алахәылацәа руаӡәык диқәшаҳаҭхазшәа аныҟаиҵоз, анаҩс [[Диалектика|адиалектикатә]] знеишьақәа жәпакы рыла иоппонент игәаанагара шымцу анааирԥшуаз. Уи иахҟьаны егьи иччархәыз, маҷк иладырҟәыз аҭагылазаашьаҿы дҟалон<ref>Безгодов, 2015, с. 59.</ref>. Сократ иирониа аимак-аиҿак амҩаԥгашьа аметод адагьы, иоппонент ихы дахьақәгәыӷуаз ахыччара акәын иунарбоз, уи дзацәажәоз даргәамҵыр алшон. Сократ иирониа афилософиатә ҵакы адогмақәа мап рыцәкра, Сократ иҟәыӷара атезис хада аилкаара акәын: «Сара издыруеит акгьы шысзымдыруа». Ари аирониа ауаҩы ихы адырра агәазҭанаҭоит, иҽеиӷьтәра иацхраауеит<ref>Кессиди, 1988, с. 93—96.</ref>. Аирониа ахақәгәыӷцәара аԥыхра амҩа акәны иааирԥшуеит, уи Сократ ифилософиа аҿиара шьаҭас иаиуит. Уи раԥхьатәи агәаанагарақәа раԥыхра, агәыҩбара ацәырҵра иацхрааит, уи алагьы афилософиатә ҵабырг аԥшааразы, анаҩстәи аҵаралашаразы амҩа ылнахуан<ref name="sfndf76b0" />.
Сократ ихцәажәараҿы аиндукциа ({{lang-grc|Έπαγωγή}}) аҭҵаара аметод ауп («аԥсыцқьара», «агәымшәара» уҳәа), уи азеиԥш еилкаара аҳәаақәҵа анаҭоит, уи ашьҭахь азеиԥш ҿырԥштәқәа рыхәаԥшра иалагоит<ref name="sfn6b53ce">Лебедев, 2019, с. 14.</ref>. Азеиԥши, ахатәи реиҿырԥшра иахылҿиаауеит раԥхьатәи аҳәаақәҵа аиҭахәаԥшра, уи мцуп ҳәа азхаҵара. Ашьҭахь апроцедура еиҭаҟалоит. Аиндукциа усҟан азы хықәкыс иаиуеит, уи ахархәаразы ахатәы хҭысқәа зегьы ҳасаб рзызуа аҳәаақәҵа аус адулара. Аиндукциа ахархәарала, Сократ игәаанагарала, аетикатә нормақәа рҵакы аарԥшхар алшоит. Аамҭакала аиндуктивтә хшыҩзцарақәа логикала иузышьақәырӷәӷәаӡом, уи инақәыршәаны ахатәы хҭысқәа зегьы назыгӡо азеиԥш еилкаарақәа шиашоу азы агарантиа рзыҟаҵом. Ҵакыла урҭ иаадырԥшуеит ахшыҩҵак аҿиара аҵыхәтәантәи лҵшәак амаӡамкәа. Ари афакт аилкаара, аетикатә нормақәа рационалтә знеишьала реилкаара шзалымшо азы агәрагара ахылҿиаауеит, урҭ ирыциз аҟазшьа шрымоу аанарԥшуеит<ref name="sfn6b53ce" />.
Маиевтика ({{lang-grc|μαιευτική}} — ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ахәыҷышьҭыхҩцәа рҟазара») ҳзацәажәо игәаҵаҿы аиаша «аира» иацхраауа афилософиа аметод ауп<ref name="sfndf76b0" />. Амцхаҵарақәеи иԥаршеиу аиллиузиақәеи рҟынтәи ахы ақәиҭхара апроцесс ауаҩы ихақәгәыӷцәара аԥыхра ицхраауеит, аиаша «аира». Сократ ишиҳәо ала, афилософиа аиаша аԥшаара акәзар, уи ахшыҩҵак иаша аира иацхраауеит. Уи ҟазҵаша арҵаҩы иакәӡам, Сократ аиндуктивтә зҵаарақәа рыла имҩақәиҵоз ауаҩы ихаҭа иоуп. Амаиевтика адиалог аҿы ауп иахьалыршахо, насгьы уи иусым узацәажәо иацәажәарала иҟалоу,мамзаргьы ухала ухы ацәажәарала иҟлоу. Амаиевтика иалҵшәахоит еиҳарак аиаша «аира» акәымкәа, аҵабырг азхьаԥшра<ref name="sfn51f8e7">Суриков, 2011, с. 49.</ref><ref>Солопова М. А. [https://iphlib.ru/library/collection/newphilenc/document/HASH8a572a95622378095c348a Майевтика] // Новая философская энциклопедия / Ин-т философии РАН; Нац. обществ.-науч. фонд; Пред. научно-ред. совета В. С. Стёпин. — 2-е изд., испр. и допол. — М.: Мысль, 2010. — ISBN 978-5-244-01115-9.</ref><ref name="sfn51f8e7" />.
[[Шопенгауэр, Артур|Артур Шопенгауер]] инаҵшьны иазгәеиҭон, Сократ иметод ишалнаршо зхы иақәгәыӷуа аоппонент ԥсыхәа змам аҭагылазаашьа иалагалара. Иара аӡәаӡәала раԥхьатәи агәаанагарақәа ирҿагыло еиуеиԥшым аԥҟарақәа рзы аҵаҵӷәқәа идикылоит, амзызи уи иахылҿиаауеи аимадара еилиргаанӡа. Уи иахҟьаны аоппонент ма дышиашам атәы иҳәоит, мамзаргьы ишакәхалак аицәажәара аанкылара дашьҭалоит<ref>{{книга
|автор = [[Шопенгауэр, Артур|Шопенгауэр А.]]
|часть = Фрагменты для истории философии § 3. Сократ
|заглавие = Полное собрание сочинений
|викитека = Parerga и Paralipomena (Шопенгауэр)/Фрагменты для истории философии
|место = М.
|год = 1910
|том = III
|страницы = 41—43
}}</ref>.
=== Аҵара ===
[[Афаил:Σωκράτης, Ακαδημία Αθηνών 6616.jpg|thumb|Афинатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа азааигәара Сократ ибаҟа]]
[[Максима (философия)|Афилософиатә]] максимқәа раԥҵара акәымкәа, аиаша аԥшаара азԥхьагәазҭоз аметод иахьмырԥшыкәа, Сократ иҵараҿы иалукаар улшоит ихадоу ашьаҭақәа. Иара агәра ганы дыҟан адунеи иазку ҳгәаанагарақәа, еиуеиԥшым ҳусқәагьы аиаша иақәшәозароуп ҳәа. Уи азы раԥхьа иргыланы, ииашоу аилкаарақәа ҳамазароуп. Урҭ рыԥшаара ауп афилософиа аҵакы шьақәзыргыло. Сократ изы аилкаарақәа рҿоуп аиаша ашәага-загақәа ахьыҟоу<ref>Целлер, 1996, с. 88—90.</ref>. Аилкаарақәа реилататареи, ашьаҭақәа реилымкаареи ииашам аусқәа рахь унаргоит. Амдырреи аилымкаареи ауаҩы аԥсҭазаара аҿаԥхьа дуашәшәыраны дҟарҵоит, иҩнуҵҟатәи имч ҵыршәаауеит, аграқәа рзы имариоу ҿаҵахәны дҟарҵоит. Аганахьала уахәаԥшуазар ари акаҳара агәазыҳәарақәа риааира еиԥшны иубоит, убри аан аиаша уҳәозар, уи аҿагылара ԥсыҽра иахҟьоит. Ахархәаратә, даҽакала иуҳәозар, ихадам азҵаарақәа рҿы,: анхаҩы имхы аус адулара, анапҟаза ацәа аус адулара уҳәа реиԥш иҟоу рҿы, адыррақәа роура ахықәкы еилыкка еилукаауеит. Ауаҩы инасыԥи ииашоу ихымҩаԥгашьеи хаҭала изхьыԥшу апроблемақәа реилыргаразы аџьабаа ихы иахьимырбо Сократ даара иџьеишьон<ref>Гомперц, 1999, с. 61—64.</ref>.
Адәныҟатәи адунеии акосмоси рыхкырацәара ҭызҵаауаз анатурфилософцәа реиԥш акәымкәа, Сократ аетикатә проблемақәа ихы рзишьҭит. Урҭ роуп афилософ игәаанагарала здырра алшо. Уи иетика шьаҭас иамаз аԥсыцқьареи адырреи реиҿырԥшра акәын. Сократ игәаанагарала, уи азы иахәҭоу адырра умазар, иаҭахым аҟамҵара адагьы, аԥсыцқьара злоу ауаҩы иахәҭоу ахымҩаԥгашьагьы иҽацәыихьчоит. Аҳалалра ауаҩы ихәо ауп, иара изы ибзиоу. Доусы ихы абзиара азеиӷьеишьоит аҟнытә, абзиара заку азы адырра иаша имазар, ишақәнагоу ихы мҩаԥигалоит. Ииашам азнеишьақәа раан, хықәкыла абзиара уаҩы иԥырхагоу акы шакәу агәрагара аныҟоу, ауаҩы ихала ихы ақәгара далагоит, «дыцәгьахоит». Абасала, иарбанызаалак аморал иаҿагылоу ахымҩаԥгашьа, раԥхьа иргыланы ахшыҩ агха акәхоит, аинтеллект агра иахҟьоит. Анемец философ [[Гомперц, Теодор|Теодор Гомперц]], Сократ иҵара аҵакы ҳәоук ала уахцәажәар ҟалоит ҳәа иԥхьаӡон: «Хатәгәаԥхарала аӡәгьы агхақәа ҟаиҵаӡом». Уи инақәыршәаны, иарбан бзиаразаалак, ма аԥсыцқьаразаалак шьаҭас иамоу адырра, ҵарала мацара иуоуа акоуп<ref name="sfnbacd6b">Гомперц, 1999, с. 61.</ref>. Агәымшәара иазԥхьагәанаҭоит ишәарҭоу аҭагылазаашьақәа раан ҳхы шымҩаԥаҳгаша азы адырра; аиашара — ауаа ишрызныҟәатәу уҳәа. Аԥсыцқьарақәа зегьы адырра амазаара, ма аҟәыӷара иазкуп, ацәгьоурақәа, ма иҽеим аусқәа — урҭ рыҟамзаара<ref name="sfn041da1">Целлер, 1996, с. 91.</ref><ref name="sfnbacd6b" />.
Сократ ифилософиа апарадигмаҿы ицәырҵуа анаҩстәи азҵаара ауаҩы аԥсыцқьара иланы дҟазҵо «абзиара» аилкаара ауп. Платони Ксенофонти рҩымҭақәа рҿы Сократ ииашоуп ҳәа азиҳәоит аҳәынҭқарра азакәанқәеи, анцәақәа иҩым рзакәанқәеи ирықәшәо, мамзаргьы ахәарҭа аазго. Жәаҳәарада ихәарҭаз рахь иԥхьаӡон, иара убас, аԥсы аиҷаҳареи уи аиӷьтәреи<ref name="sfn041da1" />.
Хыхь иарбоу аҵара ашьаҭақәа еиуеиԥшым аформала иаадырԥшуеит, Сократ изкны иҩу антикатә хыҵхырҭақәа реиҳарак. Афилософ ақьафура дшазыҟоу азы иҟоу агәаанагарақәа аиԥшымзаарақәа рымоуп. Ганкахьала, иара даскетымызт, даҽа ганкахьала — ихьыԥшымра алыршаразы зҭахрақәа маҷу уаҩны дыҟазарц иҭахын. Хыҵхырҭақәак рҿы арԥарцәа рахь абзиабара дшақәыӡбо атәы иҳәоит, даҽа хыҵхырҭақәак рҿы ицәыбзацәа рыхьӡқәа аагоуп. Ганкахьала, Сократ азакәанқәа зегьы ирықәныҟәо «зеиӷьыҟам» тәылауаҩны даарԥшуп, даҽа ганкахьала — ихатә гәаанагарақәа ирҿагыло аҭахрақәа мап рцәикуеит. Иара убасгьы Платони Ксенофонти еиуеиԥшымкәа иаадырԥшуеит Сократ аӷацәа ацәгьара рзура аус дшазыҟоу. Иааидкыланы уахәаԥшуазар, ихадоу апринципқәа рыда, Сократ ихатә гәаанагарақәа рзы аршаҳаҭгақәа еиҿагылоит. Сократ дфилософ дууп ҳәа дшырыԥхьаӡогьы, ифилософиатә система аӡәгьы изеиҭаҳәом. Хыԥхьаӡара рацәала ишьҭанеицәа зегьы Сократ ифилософиаҿы рхаҭа ирбарц ирҭахыз рыԥшаауан. Убас, иаагозар, Сократ иҵаҩцәан [[гедонизм|агедонизм]] ашьаҭаркҩы [[Аристипп]] иеиԥш, [[кинизм|акинизм]] ашьаҭаркҩы [[Антисфен|Антисфенгьы]]<ref>Целлер, 1996, с. 91—93.</ref><ref>Суриков, 2011, с. 13—14.</ref>.
=== «Сократ ипарадоксқәа» ===
Сократ иҵара ашьаҭақәа, Платон иҳәамҭаҿы, «Сократ ипарадоксқәа» ҳәа хьӡыс изауз афоризмқәа рҿы еиҭауҳәар ҟалоит. Ганкахьала уахәаԥшуазар, урҭ ахшыҩ иаҿагылоит. Урҭ еилкаахоит апостулат «аԥсыцқьара дырроуп, агра- мдырроуп» азхоуҵар. Ас еиԥш иҟоу апарадоксқәа рахь иԥхьаӡоуп анаҩстәи ашьақәырӷәӷәарақәа:<ref>Nakhnikian, 1973, p. 1.</ref>
* «Аӡәгьы ацәгьара иҭахӡам», мамзаргьы «Зегьы абзиара рҭахуп»;
* «Аӡәгьы хатәгәаԥхарала ацәгьара ҟаиҵаӡом»;
* «Егьырҭ рҟынтәи азалымдара учҳар еиҳа еиӷьуп, иара ухала иҟауҵалар аасҭа».
Убас, иаагозар, адиалог «[[Менон (Платон)|Менон]]» аҿы Сократ иоуп изҳәаз ҳәа азгәарҭоит актәии аҩбатәии апарадоксқәа: ''«ацәгьара закәу ззымдыруа, иара иакәымкәа бзиараны ирыԥхьаӡо иашьҭоуп, аха уи нас ицәгьарахоит. Аха ацәгьара закәу ззымдыруа, уи бзиараны издызкыло, ишаабо еиԥш, абзиара иашьҭоуп»''<ref>Платон, 1990, с. 584, Менон 77 d—e.</ref><ref>Santas, 1964, p. 147.</ref>. Иааидкыланы уахәаԥшуазар, Аристотель инаиркны афилософиатә литератураҿы «Сократ ипарадоксқәа» гхоуп ҳәа ирыԥхьаӡоит. Арҭ ашьақәырӷәӷәарақәа акритика рзура шьаҭас иамоуп алхра апроблема мыцхәы иахьыуадаҩу, ганрацәала иахьеилоу, адырреи анаҩс ахымҩаԥгашьеи рпозициақәа рыла мацара ахәшьара аҭаразы<ref>Santas, 1964, p. 148.</ref>.
Сократ иетикатә парадоксқәа рганахьала аимак-аиҿакқәа ирыхҟьаны, даҽа парадоксқәак цәырҵуеит. Убас, иаагозар, уи [[Эдип|Едип]] изку амиф ашьаҭала аарԥшра алшоит. Азҵаара: «Едип иаб [[Лаий|Лаиа]] идырны дишьыма?» — ари азҵаара хьаҳәа-ԥаҳәада аҭак ыҟаӡам. Едип идырны ауаҩы дишьит, аха иаб иаԥхьа дышгылаз идыруазҭгьы, ус ҟаиҵомызт. Едип имдырра иахҟьаны «иаб ишьра» машәырла иҟалеит, аамҭакала — иаб «ишьра» идырны иҟаиҵеит. Арҭ афилософиатә зҵаарақәа рыкәша-мыкәша имҩаԥысуа аимак-аиҿакқәа иалдыршоит «изымдыркәа» иҟаҵаз ацәгьоура ариашара. Аетикатә парадоксқәа ркритикцәа амдырра ариашара адагьы, уи азы ахара идырҵоит. Урҭ ргәаанагара ари аформула иаанарԥшуеит: «Амдырра аҭакԥхықәра аҟынтәи ухы уақәиҭнатәуам»<ref>Кессиди, 1988, с. 138—139.</ref>.
== Сократ иҵаҩцәа ==
[[Афаил:Sughrat.jpg|thumb|Сократ иҵаҩцәеи иареи, XIII ашәышықәсазтәи арабцәа рманускрипт]]
Сократ адунеи аҿы деицырдыруа дҟалеит аиҳарак хыԥхьаӡара рацәала иҵаҩцәа ирыбзоураны. Урҭ рахьтә, ҷыдала, Алкивиад, Крити, Ферамен, Ажәытәӡатәи Бырзентәыла аполитикатә ԥсҭазаараҿы ароль ду нарыгӡон. Платон, Антисфен, Мегаратәи Евклид, Аристипп, Елидатәи Федон анаҩс иаԥырҵеит рхатәы философиатә школқәа. Ксенофонт ҭоурыхҭҵааҩык, шәҟәыҩҩык иаҳасабала деицырдыруеит. Антикатәи ахыҵхырҭақәа рҿы ицәыргоуп Сократ иҵаҩцәа жәаҩыла рыхьӡқәа. Ахыҵхырҭақәа рҿы зыӡбахә ҳәоу аӡәырҩы аҵаҩцәа акала иалкаамызт, аҭоурыхаҿгьы иаанымхеит. Ксенофонт «зшьапы хту афилософ» аҵара зирҵоз ауаа абри аҟазшьарбага риҭеит: «Сократ дзацәажәоз егьырҭ ԥыҭҩык иара иҿцәажәара изашьҭаз, Жәлар реизараҿы, ма аӡбарҭаҿы ицәажәаҩцәаны иҟаларц азы акәмызт, урҭ рҭаацәа, рмаҵуцәа, рҭынхацәа, рҩызцәа, рыԥсадгьыл, рыуаажәлар рганахьала руалԥшьақәа бзианы инарыгӡаларц азы акәын. Урҭ аӡәгьы ианқәыԥшызгьы, рықәрахь ианнеихьазгьы цәгьарак ҟарымҵацызт, харак рыдмызт»<ref>Ксенофонт, 2003, с. 41, Воспоминания о Сократе. I. 2. 48.</ref>. Сократ раԥхьатәи иҵаҩцәеи иқәлацәеи рхыԥхьаӡараҿы иҟан Критони [[Херефонт|Херефонти]]. [[Диоген Лаэртский|Диоген]] Лаерттәи ишиҳәо ала, [[Критон]] раԥхьаӡа Сократ дышҟәыӷаз ибеит, «аҟазарҭа аҟынтәи ихы дақәиҭитәит». Иарбоу аверсиала Критон Сократ ԥарала дицхраауа далагеит, уи алагьы даҽа усурак дашьҭамлакәа, афилософиа мацара иҽазикырц азы алшара ииҭеит<ref>Диоген Лаэртский, 1986, с. 99, II. 20.</ref>. Алитератураҿы Критон Сократ иҵаҩыс дыҟазу дыҟамзу аганахьала еиҿагылоу агәаанагарақәа уԥылоит. Ганкахьала, уи еиҳа изааигәоу аҵаҩцәа дырхырыԥхьаӡалоит, даҽа ганкахьала — Платони Ксенофонти ирхаану рырҿиамҭақәа рҿы ҵаҩык иаҳасабала акәымкәа, зыгәра иго аӡәы еиԥш даадырԥшуеит. Критон Сократ иахь изҵаарақәа афилософиатә проблемақәа ракәымкәа, зынӡа ахархәаратә проблемақәа ирызкуп<ref>Золотухина, 2012, с. 98.</ref>. Сократ Критон иԥеиҳаб Критобул аҵара ирҵара аус далахәын. Уи адагьы Сократ иҵаҩы, иҩыза [[сикофант|асикофантцәа]] ихы рцәыихьчарц азы ацхыраара ииҭеит<ref>{{Акьыԥхьра|книга
|автор = {{Interlanguage link|Штенцель, Юлиус|Stenzel J.|de|Julius Stenzel}}
|часть = Kriton 3
|часть викитека= de:RE:Kriton 3
|заглавие = [[Паули-Виссова|Paulys Realencyclopädie der classischen Altertumswissenschaft]]
|язык = de
|ответственный = Georg Wissowa
|место = Stuttgart
|издательство = J. B. Metzler’sche Verlagsbuchhandlung
|год = 1922
|band = XI, Zweite Hälfte (XI, 2)
|kolonnen = 1932—1933
|ref = Stenzel
}}</ref><ref>Nails, 2002, p. 115, Crito.</ref>.
Сократ егьырҭ иҵаҩцәа рҩымҭақәа рҿы Херефонт дычмазаҩны, зцәаныррақәа ззаанымкыло уаҩны, усҟантәи аамҭазы афилософиатә хырхарҭа ҿыц аҿы аиаша аԥшаара иашьҭаз аӡә иакәны даарԥшуп. Сократ ишьақәгылараҿы Херефонт илагала, раԥхьа иргыланы апифиа лызҵаара иадҳәалоуп. Уи адагьы, иҟалап Сократ иҵаҩцәа рырҵаҩы изыӡыҩрырц иахьеизоз ҭыԥны ирымазҭгьы иҩны<ref>Светлов, 2017, с. 88—90.</ref>.
=== Асократикцәа ===
[[Афаил:Antisthenes Pio-Clementino Inv288.jpg|thumb|left|[[Антисфен]] ибиуст.<br>Абырзен аоригинал аҟынтәи римтәи акопиа. [[Музей Пио-Кристиано|Пио-Кристиано амузеи]], [[Ватикан]]]]
[[Афаил:Head Platon Glyptothek Munich 548.jpg|thumb|Абырзен аоригинал аҿынтә [[Платон]] ибиуст римтәи акопиа [[Глиптотека (Мюнхен)|Миунхентәи Аглиптотека]] аҟынтәи. Платон, афилософиа зҽазызкыз Сократ егьырҭ иҵаҩцәа реиԥш акәымкәа, «асократик» ҳәа ишьҭаӡам. Атермин «асократик» ахаҭа инаҵшьны иазгәанаҭоит, Платон иҿырԥшны иаҳгозар, Сократ иҵаҩцәа ԥыҭҩык, ифилософиаҿы рлагала шмаҷу атәы.]]
«Асократикцәа» ҳәа ирышьҭоуп рырҵаҩы иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь, афилософиа зҽазызкыз Сократ иҵаҩцәа. Атермин еиҿагыло аҵак амоуп. «Асократикцәа» рахь иуԥхьаӡалар алшоит, Сократ иҵаҩцәа реиԥш, иҵаҩцәа ирышьҭанеиуагьы. Традициала асократикцәа рахь иԥхьаӡаӡам Платони Ксенофонти. Платон иҿурԥшуазар, урҭ рлагала шмаҷу инаҵшьны иаанарԥшуеит атермин. Ксенофонт раԥхьа иргыланы, философк иаҳасабала акәымкәа шәҟәыҩҩык, ҭоурыхҭҵааҩык иаҳасабала деицырдыруеит, убри азоуп асократикцәа дзырхыԥхьаӡаламгьы. Ас еиԥш азнеишьа ахыҵхырҭақәа —афилософиа аҭоурых [[Гегель, Георг Вильгельм Фридрих|Гегель]] ифилософиатә концепциеи, уи анаҩстәи аинтерпретациеи роуп. Гегель афилософиа аҿиара [[Диалектика|диалектикатә]] процессны дахцәажәеит, раԥхьатәи ашьақәырӷәӷәара (I) анаҩс уи мап ацәкрахьы ианиасуа (II), ашьҭахь раԥхьатәиқәа аҩбагьы ирсинтезны (III) аҽанаԥсахуа. Ари аконтекст ала иара аимадара ааирԥшуан «I. [[софисты|асофистцәа]] → II. асократикцәа → III. Платони Аристотельи». Гегель ишиҳәо ала, асократикцәа рҵара ажәытә бырзен философиа аҿиараҿы акрызҵазкуа етапны иҟалеит. Ари агәыԥ аҟны х-школк аликааит: мегартәи, кирентәи, киникатәи. Ашьҭахь Гегель ишьақәырӷәӷәарақәа акритика рзыруит. Ҿырԥштәыс иааҳгозар, анемец философ [[Целлер, Эдуард|Едуард Целлер]] иаликааит «Сократ иаԥхьатәи аамҭа» асофистцәа, урҭ рышьҭахь иааит аклассикатә бырзен философиа, х-фигурак — Сократ, Платон, Аристотель — шьаҭас измоу. Ари асистемаҿы асократикцәа рроль еиҵатәын, анаҩс ахала аҵакы ацәыӡит. Е. Целлер ихаҭа амонографиа «Абырзен философиа аҭоурых аочерк» апараграф ахьӡ аҿы — «Еиҳа имаҷны акрызҵазкуа асократтә школқәа» ҳәа ахиҳәааит. Асократикцәа рахь иҟаз ари аҩыза азыҟазаашьа алитератураҿы шәышықәса дуӡӡа аԥыжәара аман. Убас, иаагозар, апрофессор В.Ф. [[Асмус, Валентин Фердинандович|Асмус]] «Антикатә философиаҿы» асократикцәа даҟьақәак роуп ирызикыз, избанзар урҭ рҵара афилософиа аҿиараҿы лагала дук амамызт ҳәа иԥхьаӡон. Џьованни [[Реале, Джованни|Реали]] [[Антисери, Дарио|Дарио Антисерии]] 1983 шықәсазтәи «Мраҭашәаратәи афилософиа аҭоурых» актәи атом аҿы урҭ «имаҷу», мамзаргьы «еиҵбу» асократикцәа ҳәа рзырҳәеит, ашьҭрамадара ацәаҳәаҿы рроль шмаҷу инаҵшьны иазгәарҭеит «асофистцәа → Сократ → Платон»<ref name="sfnc57f43">Мочалова, 2019, с. 17—18.</ref>.
Уи азы ахәшьарақәа еиҭарыхәаԥшуа иалагеит XX ашәышықәса аҩбатәи азбжа инаркны, избанзар атерминқәа «асократикцәа», «асократтә школқәа» агәыҩбара цәырыргон, уи иалкаау афилософцәа рроль аиҭазхәыцрахь инанагеит. Убас, иаагозар, еиуеиԥшым ахыҵхырҭақәа изларҳәо ала, [[Антисфен]] Сократ иҟны аҵара иҵон, [[Диоген Синоптәи|Диоген]] рҵаҩыс диман. Аҵыхәтәантәи иҵаҩы [[стоицизм|астоицизм]] ашьаҭаркҩы [[Зенон Китийский|Зенон]] аҵара зҵоз [[Кратет Фиванский|Кратет]] иакәын. Абасала иааԥшуеит Сократ — [[киники|акиникцәа]] — астоикцәа ашьҭрамадара аазырԥшуа афилософиатә школ<ref name="sfnc57f43" />.
[[Антисфен]], [[Аристипп]], [[Федон из Элиды|Федон]], [[Евклид из Мегары|Евклид]] рырҵаҩы иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь, рхатәы философиатә школқәа аԥырҵеит. Антисфен Сократ еиҳа гәыкала изыҟоу иҵаҩцәа дыруаӡәкуп, аҵарауаа гәыԥҩык ргәаанагарала, [[киники|акинизм]] афилософиатә школ ашьаҭаркҩы иоуп. Изларҳәо ала, Антисфен есыҽны [[Пирей|Пиреиынтәи]] Афинаҟа 8 км рҟынӡа дныҟәон ирҵаҩы дизыӡҩрырц азы. [[Ксенофонт]] иҩымҭа «Сократ изку агәалашәарақәа» рҿы, Антисфени [[Аполлодор Афинский|Аполлодори]] Сократ ахаангьы ицәхьамҵуа аҵаҩцәа ҳәа рыхьӡ ҳәоуп<ref>Ксенофонт, 2003, с. 123, Воспоминания о Сократе III. 11. 17.</ref>. Сократ иҵара Антисфен анарха, ацәаныррақәа раанкылара, аԥсҭазаараҿы бзиарас иҟоу аԥсыцқьара шакәу агәрагара алигеит. Уи ажәала акәымкәа, аусқәа рҿы иааԥшлароуп<ref>Антология кинизма, 1984, с. 18.</ref><ref>Гомперц, 1999, с. 129—130.</ref><ref name="sfne852f9">Гаджикурбанова, 2006, с. 113.</ref>. Сократ иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь, Афины, [[Геракл]] иныхабааҿы иҟоу агимнасиаҿы [[Киносарг|Акиносарг]] аҿы зиннқәа наӡам атәылауаа рзы Антисфен ихатәы школ ааиртит, уи ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, иаанарԥшуеит «ала Шкәакәа ма ала Ҵар». Версиак ала, Антисфен ишьҭанеиуаз акиникқәа ҳәа рхы иазырҳәо иалагеит, избанзар Акиносарг аҿы аҵара рҵон. Даҽа версиак ала, Антисфен ихаҭа Ала ҳәа ихы иазиҳәон. Афилософ ихтыз ицәеижь аплашь ала ихиҩон, уи ныҟәигон еснагь, амш зеиԥшразаалакгьы, алабашьа икын, иара убас ашәыра хәыҷ ныҟәигон. Антисфен иҵара иаднаԥхьало иалагеит еиуемԥшым ауаа ӷарқәа<ref>Антология кинизма, 1984, с. 18—19.</ref><ref name="sfne852f9" />. Аристипп [[Киренаики|акиренаикцәа]] рышкол аԥиҵеит,уи ала [[гедонизм|агедонизм]] ашаҭа иҳаит, афилософиатә хырхарҭа акинизм иаҿагылоу. Аристипп иоуп Сократ иҵаҩцәа рахьтә раԥхьаӡа акәны, ишьҭанеицәа аԥара рымызхуа иалагаз<ref>Брагинская Н. В. [https://iphlib.ru/library/collection/newphilenc/document/HASH0186d774bc6fa935e74e2d86 Аристипп] // Новая философская энциклопедия / Ин-т философии РАН; Нац. обществ.-науч. фонд; Пред. научно-ред. совета В. С. Стёпин. — 2-е изд., испр. и допол. — М.: Мысль, 2010. — ISBN 978-5-244-01115-9.</ref>.
Антикатәи атрадициа излаҳәо ала, еиҳа иџьашьахәыз алахьынҵа иман [[Элида|Елидатәи]] [[Федон из Элиды|Федон]]. Дшыхәыҷыз иара дытҟәаны дыргеит, афинтәи иаарту аҩнқәа руак аԥшәма тәыс дааихәеит. Арԥыс Сократ дгәеиҭеит иара афилософ ицәажәарақәа данырзыӡырҩуаз. Афилософ иҵаҩцәа беиақәа руаӡәк Федон дҿихырц азы диҳәеит. Атәра аҟынтәи ихы данақәиҭыртә ашьҭахь, Сократ иҵаҩцәа дрылалеит. Ашьҭахь Федон иԥсадгьыл ахь, Елидаҟа дхынҳәит, иаԥиҵеит анаҩс [[Элидо-эретрийская школа|елидо-еретриатәи]] ҳәа хьӡыс изауз афилософиа ашкол. Федон иҩымҭақәа руак аҵаҩы Симон-ацәаҟаҵаҩ «ицәырҵра» иадҳәалоуп<ref>Диоген Лаэртский, 1986, с. 124, II. 105.</ref><ref name="Britannica Phaedo">{{cite web
|url = https://www.britannica.com/biography/Phaedo-Greek-philosopher
|title = Phaedo
|lang = en
|website = britannica.com
|publisher = Encyclopaedia Britannica
|access-date = 2021-02-03
|archive-date = 2020-08-10
|archive-url = https://web.archive.org/web/20200810191622/https://www.britannica.com/biography/Phaedo-Greek-philosopher
|url-status = live
}}</ref><ref>Di Lanzo, 2018, p. 221—222.</ref>. Ари ауаҩ изкны Сократ ихааныз рҩымҭақәа рҟынтәи акгьы ҳаздырӡом, аха иӡбахә рҳәоит ихьшәоу авторцәа ҩыџьа-хҩык — Плутарх, Диоген Лаерттәи, анонимтә авторцәа уб.егь. Симон-ацәаҟаҵаҩ дзакәыҵәҟьаз — дыҟаҵәҟьазу, мамзаргьы ихыҭҳәаау персонажзу иадҳәалоу азҵаара аартны иаанхоит<ref>Hock, 1976, p. 41—46.</ref><ref>Di Lanzo, 2018, p. 229—231.</ref>.
Сократи [[Элеаты|елеатааи]] рҵарақәа рҟынтәи ахшыҩҵакқәа еилазыгӡоз амегартәи афилософиатә школ аԥиҵеит [[Евклид из Мегары|Евклид]]. 432 шықәсазы афинаа ирыдыркылеит «мегартәи апсефизм» ҳәа изышьҭоу азакәан, уи инақәыршәаны мегараа аԥсра иацәшәаны Афины иалаломызт. «Ари ақәҵара ҟалаанӡа Сократ дизыӡҩрырц азы лассы-лассы Афины иаҭаауаз» Евклид, хәылбыҽхала маӡала аҳәса рымаҭәа ишәҵаны ақалақь далалон. Абас мацара акәын дышрылахәхоз ирҵаҩы дызлахәыз уахынлатәи аишәачарақәа. Ашьыжь, ҩаԥхьа Евклид аԥҳәыс лыҵкы ишәҵаны, Афины ааныжьны 30 км инарзынаԥшуа шьапыла Мегараҟа дцон<ref>Авл Геллий, 2007, с. 354—355, VII. 10.</ref><ref>{{Акьыԥхьра|книга
|автор = [[Наторп, Пауль Герхард|Natorp P.]]
|часть = Eukleides aus Megara
|ссылка часть = https://archive.org/details/PWRE11/Pauly-Wissowa_VI1_0999.png

|год = 1907
|band = VI, Erste Hälfte (VI, 1)
|kolonnen = 1000—1003
|ref = Natorp
}}</ref>.
Антикатәи ахыҵхырҭақәа рыла, Сократ еиҳа гәыкала изыҟаз иҵаҩцәа дыруаӡәкуп [[Эсхин из Сфетта|Есхин]] Сократик. [[Луций Анней Сенека|Луци Аннеи Сенекеи]] [[Диоген Лаэртский|Диоген]] Лаерттәии Сократ иҵаҩцәа рахьтә, рырҵаҩы иреиӷьу аҳамҭа изҭода ҳәа ишеиндаҭлоз атәы еиуеиԥшым авариациақәа рыла иаадырԥшуеит. Есхин иҳәеит: ''«Сара сӷаруп, даҽак сымаӡам, схаҭа сга»'', уи аҭакс Сократ ҿааиҭит: ''«Иузеилымкааӡои уи аиҳа зыхә ҳараку аҳамҭа шыҟам?!»''<ref>Сенека, 1995, I. 8.</ref><ref>Диоген Лаэртский, 1986, с. 110, II. 34.</ref>.
=== Алкивиад ===
[[Афаил:Henryk Siemiradzki 002.jpg|thumb|Г.И. [[Семирадский, Генрих Ипполитович|Семирадски]]. Сократ иҵаҩы Алкивиад [[Гетера|агетера]] лҿы дибоит. 1875. Ставропольтәи атәылаҿацә аҿыханҵатә ҟазара амузеи]]
[[Алкивиад]] V ашәышықәса аҩбатәи азбжа иаҵанакуа Ажәытәӡатәи Еллада зегь реиҳа иколориттәу, истандартым ахаҭарақәа дыруаӡәкуп. Хышықәса анихыҵуаз деиҭымхеит. Аҷкәын Перикл дихылаԥшуа далагеит. Иқәра анынаӡа ашьҭахь арԥыс ԥшӡеи, аристократ беиеи аполис аполитикатә ԥсҭазаара аҽалархәра иалагеит. Алкивиад ауаа иџьаршьоз ихымҩаԥгашьақәа ҿаԥыцтә ҳәамҭаны иҟалеит. Убас, иаагозар, аолимпиатә хәмаррақәа рҿы иаразнак быжь-ҽыуардынласк ықәиргылеит. Ари аиндаҭлара хкы аҿы аиааира згаз ҳәа иԥхьаӡаз ауардынлас аӷәра зкыз иакәымкәа, уи зтәыз иакәын. Абасала, Алкивиад, ахәмаррақәа рҭоурых аҿы раԥхьаӡа акәны, аамҭакала актәи, аҩбатәи, ахԥатәи аҭыԥқәа ааникылеит. Плутарх Алкивиад даараӡа зыхә ҳаракыз ила даара иԥшӡаз аҵыхәа хырҵәарц азы адҵа шыҟаиҵаз иазку алаф жәабжь еиҭеиҳәоит. Иҩызцәа ишраиҳәаз ала, ари ихымҩаԥгашьа зыхҟьаз афинаа егьырҭ ихымҩаԥгашьақәа ракәымкәа, ала аҵыхәа ихиҵәаз иалацәажәаларц ахьиҭахыз ауп<ref>Плутарх, 1994, Алкивиад. 9.</ref>.
Сократи Алкивиади иҷыдоу аизыҟазаашьақәа рыбжьан. Еиуеиԥшым ахыҵхырҭақәа рҿы Сократи Алкивиади аарԥшуп, ҩажәа шықәса шрыбжьазгьы, аибашьра аан еиҩызцәахаз, бзиа еибабоз арҵаҩи аҵаҩи реиԥш. Ихааныз ауаа Алкивиад амал, ихьӡ-иԥша, иҭеиҭыԥш иаднаԥхьалозҭгьы, Сократ арԥыс илаз абаҩхатәра акәын иибоз. Сократ арԥыс иҟазшьа бааԥсқәа дрыдгыломызт, уи моу аԥсыцқьарақәа рзы аҽазышәара илаиааӡарц дашьҭан. Уи Алкивиад еиҳагьы Сократ диднаԥхьалон.Урҭ ирласны еиҩызцәахеит. Алкивиад изы Сократ згәаанагара акраҵанакуаз уаҩны дҟалеит<ref name="sfn9c3ad2" />.
Сократ иҵара илыԥшааху, адемократиаҿагыларатә ганқәа, ҷыдала аҳәынҭқарра «иреиӷьу» ауаа напхгара арҭалароуп ҳәа имаз агәрагара, Алкивиад акырӡа даднаԥхьалон. Сократ иҽыззишәоз аҽынкылареи ахдырра аҭҵаареи, парадоксла аполитик қәыԥш иамбициақәа катализаторс ирзыҟалеит. Инагӡаны уи ааԥшит Алкивиад Спарта даныҟаз аамҭазы. Ирқьынцыцны иааӡаз арԥыс қәыԥш спартатәи абзазара џьбара иаарласны даланахалеит, уимоу, амали ақьафуреи мап рцәызкуаз арратә спартиатцәа ихьӡ рылаҵәеит<ref>Суриков, 2011, с. 130.</ref>.
Платон «Ичараҿы» иаарԥшуп Сократи Алкивиади реизыҟазаашьа иамаз аеротикатә ҟазшьа. Арԥыс қәыԥш афилософ иахь асексуалтә гәазыҳәара иман. Аха уи иҽазышәарақәеи иҳамҭақәеи Сократ усс имкыкәа иаҩижьуан. Ҳаамҭазтәи аҭоурыхҭҵааҩцәа ԥыҭҩык урҭ рыбжьара агомосексуалтә еимадара ыҟазар алшон ҳәа рыԥхьаӡоит<ref>{{статья
|автор = Littman R. J.
|заглавие = The Loves of Alcibiades
|ссылка = https://www.academia.edu/33762125/The_Loves_of_Alcibiades
|издание = Transactions and Proceedings of the American Philological Association
|издательство = The Johns Hopkins Association Press
|год = 1970
|volume = 101
|pages = 263—276
|ref = Littman
|archive-date = 2021-02-13
|archive-url = https://web.archive.org/web/20210213165027/https://www.academia.edu/33762125/The_Loves_of_Alcibiades
}}</ref><ref>Суриков, 2011, с. 130—136.</ref>.
=== Аԥхьаҟатәи атиранцәа ===
Сократ, иара убасгьы, икәша-мыкәша иҟан ҳәа ԥхьаӡоуп 404—403 шықәсқәа рзтәи «Ҩажәижәаҩык атиранцәа» реиҳабыра ҳәа изышьҭоу ахаҭарнакцәақәак<ref>Аристотель, 1937, 28. 5.</ref><ref>Суриков, 2011, с. 120—121.</ref>. [[Ферамен]], Афины иреиӷьу аполитикатә усзуҩцәа ҳәа иԥхьаӡаз иакәын Аристотель иажәақәа рыла. Уи Сократ ифилософиа аҟынтәи иигаз рацәоуп. Атиранцәа реиҳабыра маӡалатәи рхада [[Критий|Критигьы]] данқәыԥшыз Сократ ишьҭанеицәа дыруаӡәкын. Егьырҭ иҵаҩцәа реиԥш акәымкәа, афилософи иареи реизыҟазаашьақәа акыр заа еиԥирҟьеит<ref>Ксенофонт, 2003, с. 37, Воспоминания о Сократе. I. 2. 29.</ref>. Ксенофонт ишиҳәоз ала, уи зыхҟьаз Сократ иҵаҩы иҟазшьа бааԥсқәа акритика ахьырзиуаз ауп. Даныхәыҷыз еиҭымхаз, Крити дызхылаԥшуаз, иаҳәшьаԥа Хармидгьы Сократ иҵаҩцәа дрылан. Ианшьа диҿурԥшуазар, антикатә хыҵхырҭақәа рҿы уи зегь реиҳа иҵоуроу аганахьала дцәыргоуп. [[Хармид (сын Главкона)|Хармид]] ирҵаҩы еснагь диқәшаҳаҭмызт<ref>Платон, 1990, с. 122, [[Феаг]] 128 e.</ref><ref>Элиан, 1963, VIII. 1.</ref><ref>Суриков, 2011, с. 186—187.</ref>. [[Диоген Лаэртский|Диоген]] Лаерттәи ишиҳәо ала, Сократ тәцәақәак ҳамҭас ииҭарц диҳәеит, аха уи мап икит<ref>Диоген Лаэртский, 1986, с. 102, II. 31.</ref><ref>{{Акьыԥхьра|книга
|автор = {{Interlanguage link|Юдеих, Вальтер|Judeich W.|de|Walther Judeich}}
|часть = Charmides 2
|часть викитека= de:RE:Charmides 2

|год = 1899
|band = III, Zweite Hälfte (III, 2)
|kolonnen = 2174
|ref = Judeich
}}</ref>. Ксенофонт ишиҳәо ала, Сократ иоуп аҵаҩы қәыԥш аполитика иҽазикырц идызгалаз<ref>Ксенофонт, 2003, с. 109—110, Воспоминания о Сократе III. 7.</ref>.
Хармид иаҳәшьаԥа, Крити иашьа имаҭа Платон иакәын, иан лышьҭрала [[Кодриды|Кодридаа]] рыжәла ду датәын. Иааидкыланы, Сократ ифилософиа, аҽеиӷьтәра аҽазышәара иазкыз, иаԥсоу иаԥсам аасҭа аԥыжәара шамаз азԥхьагәазҭоз, адемократиа иаҿагылоз ргәы иахәон<ref>{{статья
|автор = Ленская В. С.
|заглавие = Афинский род Кодридов
|ссылка = http://vdi.igh.ru/system/articles/pdfs/000/001/189/original/66e21db06fc7da779ba456f38585b19ede604d1d.pdf?1550492949
|издание = Вестник древней истории
|год = 2003
|страницы = 123—132
|ref = Ленская
|archive-date = 2021-05-21
|archive-url = https://web.archive.org/web/20210521222541/http://vdi.igh.ru/system/articles/pdfs/000/001/189/original/66e21db06fc7da779ba456f38585b19ede604d1d.pdf?1550492949
}}</ref>.
=== Сократ иҵаҩцәа реизыҟазаашьақәа ===
Сократ иҵаҩцәа реизыҟазаашьақәа, урҭ рахьтә џьоукы рырҵаҩы нцәахәыс дҟарҵарц акагь рыгмызт, уи зегь реиҳа иҽеим аформақәа аанахәар алшон. Убас, Сократ иԥсы анҭаз, Алкивиад иахь инашьҭын ԥарала иаахәан ирымаз дызшьышаз ауаа. Уи аус Крити хаҭала далахәын. Иара убасҵәҟьа уи иполитикатә оппонент Ферамен дықәигеит. Сократ даныршь ашьҭахь, ихьшәоу антикатә хыҵхырҭақәа изларҳәо ала, Евклид аамҭала Сократ иҵаҩцәа идикылеит Мегара иҩны, урҭ рырҵаҩы дызцәымӷыз рганахьала арепрессиақәа ирыцәшәон<ref>Диоген Лаэртский, 1986, с. 125, II. 106.</ref><ref>Nails, 2002, p. 144—145.</ref>.
Еиуеиԥшым ахыҵхырҭақәа Сократ иҵаҩцәа реимакқәа ирызку ажәабжьқәа рацәаны иааргоит. [[Афиней|Афинеи]], аҭоурыхҭҵааҩ иусумҭақәа рахь азхьарԥш ҟаҵаны иҩуан Сократ иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь иҵаҩцәа рахь Платон дышнеиз. Аҩы зҭаз аҿа аашьҭихын, итәаз рахь ааԥхьара ҟаиҵеит ргәы камҳарц азы. Платон Сократ иҵаҩцәа ирыдигалеит рышкол иахагыларц азы, уи ашьҭахь Аполлодор иныҳәаҿа шьҭихит. Егьи иакәзар, аҭак ҟаиҵеит: ''«Сократ иҟынтәи ашҳам зҭоу аҿа еиҳа исзыхаахон, уара уҟынтә аҩы аасҭа»''<ref>Афиней, 2003, XI. 507 a—b.</ref><ref>Nails, 2002.</ref>. Афинеи иара убасгьы иҩуан «аччиа» Есхин Сократик иҵаҩы заҵә [[Ксенократ Халкидонский|Ксенократ]] шиакәыз, уигьы Платон иахь диаигеит<ref>Афиней, 2003, XIII. 116.</ref>. Платон иҩымҭақәа рҿы Антисфени иареи аимак-аиҿакқәа рымазаргьы, адиалог «[[Федон (Платон)|Федон]]» аҿы ада џьаргьы ихьӡ иҳәаӡом. Афилософцәа реизыҟазаашьақәа еиҩызароуп ҳәа узрызҳәом. Аԥҵамҭа «Сафон» (Σάθον) аҟны Антисфен Платон иидеиақәа акритика рзиуит. «Платон» иашьашәалоу ахьӡ «Сафон» ахаҭа иаанарԥшуан ахацәа рыԥхашьара. Излаабо ала, Платон иҟаиҵаз аҭак Сократ иколлегеи иҵаҩи хьаас рымкра акәын изызкыз. Аамҭакала Антисфен ииҳәоз аидеиақәа хшыҩзышьҭрада иаанижьуамызт. Урҭ ркритика «Аҳәынҭқарраҿы», адиалогқәа «[[Теэтет (Платон)|Теетет]]», «[[Протагор (Платон)|Протагор]]» уҳәа рҟны ирнуп. Убас, иаагозар, «Аҳәынҭқарраҿы» Платон иҳаилиркаауеит аԥстәқәа ирҿырԥшны инхо ауаа рыла иаԥҵоу ауаажәларра шзышьақәымгыло. «[[Софист (Платон)|Асофист]]» аҿы Платон Антисфен «аҵара ззыхмыркәшаз аҭаҳмада» ҳәа изиҳәоит, уи «ауаҩы ақьиа ҳәа изырымҳәар агәахәара инаҭоит, аха абзиара бзиароуп, ауаҩы дуаҩуп - ҳәа аҳәара»<ref>Navia, 1996, p. 40—42.</ref>.
== Агәаларшәара ==
=== Аиҭарҿиара ===
Абжьарашәышықәсазтәи ақьырсианразы Сократ зҟазшьа еиҿагылоз фигуран. Афилософ аԥсыцқьара дшаҿырԥшыгазгьы, адинмаҵзуҩцәа азҵаара рхы иарҭон: «Иалшома иҵабыргу Анцәа дыззымдыруаз, аԥсыцқьара илазар?», уи инақәыршәаны ақьырсиан изы дҿырԥшыганы дҟалар алшома. Ауахәама абацәа руаӡәк, насыԥ змаз [[блаженный Августин|Августин]] ари аҩыза алшара мап ацәикуан. Насгьы Сократ адаимониа дахнаԥааны дахьыҟаз, ақәыԥшцәа бжьихит ҳәа ахарадҵарақәа ақьырсианра иаднакыломызт. [[Данте Алигьери|Дантегьы]] иҵабыргу Анцәа дыззымдыруа, Џьаҳаным ада џьара инанагар ҟалом ҳәа иԥхьаӡон. Аамҭакала, ииашахомызт «аԥсыцқьара злоу иҵабыргу Анцәа дыззымдыруа» агәнаҳаҟаҵаҩцәа рахь рнагара. Убри аҟынтә «Анцәахаҵаратә комедиаҿы» Сократ џьаҳаным актәи агьежь — [[Лимб (религия)|Лимб]], џьаҳаным еиҳа иԥсыҽу аобласт аҿы дыҟоуп, уаҟа агәаҟра ыҟаӡам. Сократ раԥхьатәи иапологетцәа дыруаӡәкхеит [[Салютати, Колюччо|Колиуччо Салиутати]] (1331—1406). Антикатәи афилософ иидеализациаҿы, заатәи Аиҭарҿиара аусзуҩ, Сократ ацҳаражәҳәаҩ Пиотр иҭыԥан дыҟазҭгьы, аџьар данкыдырҵоз ауха Қьырса диҭиуамызт ҳәа ахшыҩҵакқәа ааирԥшуеит. Ас еиԥш иҟоу Салиутати илкаақәа ауахәама аганахьала акритика рызун. Акардинал Џьованни [[Доминичи, Джованни|Доминичи]] Сократ амыцқьареи, ахнаԥаареи, аскептицизми рзы ахара идиҵеит, афинтәи ауӡбарҭа иҟанаҵаз азыӡба иашоуп ҳәа иԥхьаӡон<ref>Суриков, 2011, с. 343.</ref><ref>Караваева, 2020, с. 47—48.</ref>.
Сократ ихаҭарахьы азҿлымҳара акыр иӷәӷәахеит Платон, Ксенофонт, Диоген Лаерттәи уҳәа, антикатәи ахыҵхырҭақәа рҩымҭақәа алаҭын бызшәахьы ианеиҭарга ашьҭахь. Џьаноццо [[Манетти, Джаноццо|Манетти]] Сократ иԥсҭазааранҵа иҩит, уаҟа афилософ зеиӷьыҟам аԥсыцқьа ҳәа дааирԥшит. [[Фичино, Марсилио|Марсилио Фичино]] иинтерпретациаҿы Сократ баша иԥшьоу аӡә иакәымкәа, Қьырса акала диеиԥшын. Амлакра, амамзаара ичҳауан, агәнаҳаҟаҵаҩцәа аҵара дирҵон, аҽԥныҳәагьы риҭон, аԥагьареи ахӡыргареи ицәымӷын, дрыцҳашьаҩын, иԥсы цқьан. Иԥсҭазаара анҵәамҭазы иара ихараӡамкәа дыршьит. Сократ «Қьырса иаԥхьатәи Қьырса» иаҳасабала идкылара, апарадоксалра шамазгьы, аларҵәара ду аиуит, иагьрылаҵәеит. «Баша ацәажәарақәа» рҿы [[Эразм Роттердамский|Еразм Роттердамтәи]] иҩуеит: «Ацқьа Сократ! Анцәа уиҳәала ҳара ҳзы!» «Агаӡара арҽхәараҿы» агуманист Сократи Қьырсеи «анцәа гаӡақәа» ҳәа еиҿирԥшуеит, урҭ рҟәыӷареи рпрактикадареи аԥсрахьы инанагеит.<ref>Караваева, 2020, с. 49—55.</ref>
Акатоликатә уахәама антикатәи афилософцәа шазханаҵаз адыргоуп [[Рафаель Санти|Рафаель]] еицырдыруа иҭыӡсахьа «Афинатәи ашкол» (1510—1511), Ватикан иҟоу Римтәи [[Папа Римский|Апапа]] иусуратә уада аҭӡамц аҿы. Уаҟа Сократ агәҭаҵәҟьа акәымзаргьы, аԥхьатәи аплан аҿы дыҟоуп. Асахьаҭыхҩы аиҿцәажәараан дааирԥшит. Инықәырԥшшәа аиԥш зеиԥшу аамҭазы, антикатәи афилософцәа рсахьақәа зныз аҭыӡсахьақәа Москватәи Кремль [[Благовещенский собор (Московский Кремль)|Благовешьентәи]] аныхабаа аҭӡамцқәа рҿгьы ианырҵеит. Сократ иику аикәарҳә иануп: «Ахаҵа бзиа ацәгьара дақәшәаӡом. Ҳаԥсы ԥсра ақәым. Аԥсра ашьҭахь ақьиацәа аҳамҭа роуеит, ацәгьауцәа — ахьырхәра». Иааидкыланы иугозар асахьаҭыхҩы Платон иҳәамҭала Сократ игәаанагарақәа ииашаны иааирԥшит<ref>Суриков, 2011, с. 344—345.</ref>.
=== Аамҭа ҿыц ===
Сократ ихаҿсахьа ҷыдала иаҭахны иҟалеит XVII—XVIII ашәышықәсақәа рзы. Мраҭашәараевропатәи акультура аҭоурых аҿы ари апериод афилософиеи ақьырсианреи реиҿагылара иаамҭан. Афранцыз хәыцҩы [[Бейль, Пьер|Пьер Беиль]] (1647—1706) уи аамҭазы амораль ақьырсианра анҭыҵгьы иҟалар алшоит ҳәа ареволиуциатә хшыҩҵак ааирԥшит. Ас еиԥш ашьақәырӷәӷәара зеиӷьыҟам ҿырԥштәын Сократ. Иара убас, антикатә философ зхы иақәиҭны ихәыцуа, иԥсабаратәу адин азы иқәԥо, аныхаԥааҩцәа рныррала ареакционерцәа ирыхҟьаны ааха зауз иакәны даадырԥшуа иалагеит<ref>Райхерт, 2012, с. 117—118.</ref>.
Сократ ихьӡ иадҳәалоуп [[Платон сара дысҩызоуп, аха аҵабырг еиҳа ахә цәгьоуп|еиҳа]] еицырдыруа афилософиатә афоризмқәа руак ацәырҵра: '' ''. Уи алаҵәара иацхрааит М.[[Сервантес, Мигель де|Сервантес]] ироман «[[Дон Кихот (роман)|Дон Кихот]]» аҟны ацитатақәа ахьааигоз. Ҳаамҭазтәи аҵарауаа ишырыԥхьаӡо ала, афоризм иаҵоу ахшыҩҵак хыҵхырҭас иамазар алшоит Платон идиалог «Федон». Уаҟа Сократ иҵаҩцәа иреиҳәоит: ''«Шәара шәакәзар, шәысзыӡырҩы, Сократ еиҳа имаҷны шәизхәыцла, хадаратәла — аиаша шәазхәыцла; аиаша сҳәоит ҳәа шәыӡбар, шәақәшаҳаҭха, мап анакәха — ишшәылшо ала сҳәамҭақәа шәырҿагыла»''<ref>Платон, 2007, с. 60, Федон. 91 c.</ref><ref>Макарова, 2017, с. 69—73.</ref>.
[[Шарпантье, Франсуа|Ф. Шарпантье]] (1620—1702), (1722—1769) ирыҩыз Сократ иԥсҭазааранҵамҭақәа И. Г. [[Гаман, Иоганн Георг|Гамани]] (1730—1788) М. [[Мендельсон, Мозес|Мендельсони]] (1729—1786) рзы адыррақәа рхыҵхырҭа хадақәаны иҟалеит. Гаман 1759 шықәсазтәи «Сократ изку агәалашәарақәа» анемец литература алитературатә ҵысра «Афырҭыни ажәылареи» анырра анаҭеит, уи ахаҭарнак И. В. Гиотегьы дналаҵаны. 1776 шықәсазы М.Мендельсон икьыԥхьит аԥҵамҭа актәи атом, 1778 шықәсазы — аҩбатәи атом. Ари аҩымҭа анырра ӷәӷәа анаҭеит С.[[Кьеркегор, Сёрен|Кьеркегор]] ирҿиара. Зқьы даҟьа ыҟаз иҭҵаара «Сократ иапологиа ҿыц, мамзаргьы иҵабыргу Анцәа дыззымдыруаз рыбзиара иазку аҵара аҭҵаара» аҟны И. А. [[Эберхард, Иоганн Август|Еберхард]] ишьақәирӷәӷәон «Абзиара» ақьырсианра адагьы иҟалар шалшо атәы, уи ирҵабыргуеит, ишьақәирӷәӷәоит Сократ. Ари аԥҵамҭаҿы афилософиа аҭоурых аҿиара анырра азҭаз ахшыҩҵак ааԥшуан— «Сократ иоуп раԥхьа Абзиара атәы дзырҵо иалагаз». И.А. Еберхард ажәытәӡатәи абырзен философиа ҩ-периодкны ишеит — «Сократ иаԥхьатәии», «Сократтәии» ҳәа. Актәи ахаҭарнакцәа рахь иаҵанакуан «Абзиара» азҵаара ықәызмыргылоз афилософцәа, аҩбатәи — уи аҭҵаара знапы алакыз<ref>Райхерт, 2012, с. 118—119.</ref>.
Еберхард иҵаҩы Ф. Д. Е. Шлеиермахер иҽазишәеит Сократ ихаҭара «аиҭаҳәара», уи алагьы «Сократ изҵаара» ҳәа хьӡыс изауз аимак-аиҿак дахылҵшьҭрахеит<ref>Райхерт, 2012, с. 119.</ref>.
[[Афаил:David - The Death of Socrates.jpg|thumb|Ж. Л. [[Давид, Жак Луи|Давид]]. «Сократ иԥсра», 1787. [[Метрополитен-музей|Аметрополитен-музеи]], [[Ниу-Иорк]].]]
XVIII-XIX ашәышықәсақәа рзы афилософ иԥсҭазаара аҟынтәи еиуеиԥшым амоментқәа аазырԥшуаз асахьақәеи аскульптурақәеи рацәаны ицәырҵуеит. Атема аус адырулон [[Сен-Кантен, Жак Филипп Жозеф де|Жак Филипп Жозеф де Сен-Кантен]], [[Пейрон, Жан-Франсуа-Пьер|Жан-Франсуа-Пьер Пеирон]], [[Ходовецкий, Даниель|Даниель Ходовецки]], еицырдыруа италиатәи аскульптор [[Канова, Антонио|Антонио Канова]] уҳәа реиԥш иҟоу асахьаҭыхыҩцәа. Адунеизегь еицырдыруа [[Неоклассическое искусство|анеоклассицизм]] ажанр ала иаԥҵоу аҩымҭақәа ируакуп [[Давид, Жак Луи|Жак]] Луи Давид 1787 шықәсазы иҭихыз асахьа «Сократ иԥсра», уи асахьаҭыхҩы Платон «и-Федон» ашьаҭала иаԥиҵеит. Давид ари асахьа ҭихырц азы азаказ ииҭеит изааигәаз иҩыза, Париж апарламент абжьгаҩ Шарль Мишель Триуден де ла Саблер 1786 шықәса алагамҭазы. Асахьа аԥиҵаанӡа Давид антикаҭҵааҩ Ж.Ф. Ардри диҿцәажәеит, иабжьгарақәа дырзыӡҩрит ({{lang-fr|Jean Félicissme Ardry}}) асиужет хада аарԥшраан адагьы, амаҭәеи, аҩнымаҭәеи, иара аҭагылазаашьа шыҟази раарԥшразы еиҳа еиӷьу аӡбамҭақәа рыԥшааразы. Асахьаҿы иаарԥшуп «Федон» ахыркәшаратә хәҭа аҟынтәи амомент, Сократ ашҳам зҭоу аҿа абахҭа аусуҩы ианимихуа. Асахьаҿы иҟоу ахаҿсахьақәа рыбжьара и «Федон» аҟынтәи абарҭ аперсонажқәа рхаҭара ашьақәыргылара алыршахоит: Симмии Кебети Сократ иарма напы аганахьала игылоуп, ишьҭахьшәа; Аполлодор дқьызқьызуа ахыргьагьа иҽнадиҵеит; Сократ иҿаԥхьа Критон дтәоуп; ашьҭахьтәи аплан аҿы абахҭа ааныжьны ицоит Сократ иуацәа, урҭ адиалог атекст инақәыршәаны аҩныҟа ирышьҭит, бзиа ирбо ауаҩы иԥсра рымбарц азы. Аҟазараҭҵааҩцәа хазы инаҵшьны ишазгәарҭо ала, детальк аҿы Давид ахҭыс аҭоурыхтә шьаҭеи адиалог атексти акыр дацәхьаҵит. Сократ ишьапаҿы Платон дтәоуп, аха уи иԥсҭазаара даналҵуаз дыҟамызт. 399 шықәсазы Платон 28 шықәса раҟара ихыҵуан, убри аан асахьаҿы иара дбыргны даарԥшуп. Ахаҵа қәыԥш исахьа, аҟәыӷеи афилософ дуи ихаҿсахьа зегь раасҭа иақәшәом. Асахьа аҭыхраҿы абри аҩыза ахақәиҭра Сократ иԥсра асиужет автор асахьа ианҵара, аконсультант Ж.Ф. Ардри иоуп Давид дақәзыршаҳаҭхаз<ref>{{cite web
|author = Kelly Richman-Abdou
|url = https://mymodernmet.com/jacques-louis-david-the-death-of-socrates/
|title = How David’s ‘Death of Socrates’ Perfectly Captures the Spirit of Neoclassical Painting
|lang = en
|website = mymodernmet.com
|date = 2019-05-19
|access-date = 2021-02-25
|archive-date = 2020-11-07
|archive-url = https://web.archive.org/web/20201107230518/https://mymodernmet.com/jacques-louis-david-the-death-of-socrates/
|url-status = live
}}</ref><ref>{{cite web
|author =
|url = https://www.metmuseum.org/art/collection/search/436105
|title = The Death of Socrates
|lang = en
|website = www.metmuseum.org
|publisher = официальный сайт Метрополитен-музея
|access-date = 2021-02-25
|archive-date = 2021-03-03
|archive-url = https://web.archive.org/web/20210303181428/https://www.metmuseum.org/art/collection/search/436105
|url-status = live
}}</ref><ref>{{книга
|автор = Шнаппер Антуан
|заглавие = Давид. Свидетель своей эпохи
|место = М.
|издательство = Изобразительное искусство
|год = 1984
|страницы = 66—71
|страниц = 280
|серия = Свидетель своей эпохи
}}</ref>.
Антикатәи афилософ иҟазшьа бзиақәа ӷәӷәала ирҿагылоит анемец философ [[Ницше, Фридрих|Фридрих Ницше]] Сократ ииҭаз ахәшьарақәа. Иара Сократ ажәытә абырзенцәа ркультура аилаҳара иалазыргаз ауаа дыруаӡәкын ҳәа иԥхьаӡон. Ифилософиа «амораль ацәыршәагақәа» арҿиеит<ref>Разумов, 2008, с. 58.</ref>. Уи моу, Ницше игәаанагарала, афилософиеи аҭҵаарадырреи реиҟәыҭхара Сократ ихьӡ иадҳәалоуп. Сократтәи ашколқәа рҿы амаҭәарқәа рҵакы иаша акәымкәа, анасыԥ алзыршо адунеи адырра аԥхьа иандыргыла анаҩс, афилософиа аҭҵаарадырраҿы анаукатә методқәа рхархәара иаҟәыҵит<ref>Ницше Человеческое, слишком человеческое, 1990, с. 242—243, I, 7.</ref>.
=== Иҿыцӡоу аамҭа ===
[[Гуссерль, Эдмунд|Едмунд Гуссерль]] иинтерпретациа инақәыршәаны, аиаша адырразы иуниверсалтәу аметод шхымԥадатәиу раԥхьаӡа еилызкааз Сократ иакәын<ref>{{книга
|автор = Edmund Husserl
|часть = Erste Philosophie (1923/24). Erster Teil: Kritische Ideengeschichte
|язык = de
|место = Den Haag
|volume = 7
|pages = 9—11
}}</ref>. [[Поппер, Карл|Карл Поппер]] Сократ иҵаҩы еиҵбы ҳәа ихы иԥхьаӡон, ажәытәӡатәи абырзен философ ихаҭа, зхы иақәиҭу ауаҩы изку аидеиа азы раԥхьатәи ақәԥаҩцәа дыруаӡәкуп ҳәа диԥхьаӡон<ref>{{книга
|автор = Karl Popper
|заглавие = Ausgangspunkte
|язык = de
|место = Hamburg
|год = 1979
|pages = 2
}}</ref>. Анемец философ [[Ясперс, Карл|Карл Иасперс]], Сократ ауаҩытәыҩсатә хәыцра аҿиара анырралаҿы [[Будда|Буддеи]], [[Конфуци|Конфуциеи]], [[Иаса Қьырса|Иаса]] Қьырсеи дрываиргылеит. Иасперс Сократ ахәыцшьа ҿыц аԥиҵеит ҳәа иԥхьаӡон<ref>{{книга
|автор = Jaspers K.
|заглавие = Die grossen Philosophen
|язык = de
|место = München/Zürich
|издательство = Piper
|год = 1989
|pages = 105, 123—127
|isbn = 3492110029
|ref = Jaspers
}}</ref>. Афранцыз философ [[Фуко, Мишель|Мишель Фуко]] Сократ [[Парресия|апарресиаст]] иоуп— аиаша аҳәара иԥсҭазааразы ашәарҭара ишҭанаргылогьы, уи азы агәаӷьра змоу уаҩуп ҳәа диԥхьаӡон<ref>{{книга
|автор = Foucault M.
|заглавие = Michel Foucault: Der Mut zur Wahrheit. Die Regierung des Selbst und der anderen
|язык = de
|место = Berlin
|издательство = Suhrkamp Verlag
|год = 2010
|pages = 24–37, 42—48, 101—126, 138, 154, 158
|isbn = 978-3-518-58544-3
}}</ref>. Афранцыз афилософцәа рахьтә даҽаӡәы- [[Деррида, Жак|Жак Деррида]], Сократ « аԥсы» ахархәаразы аҟаза ҳәа дихцәажәеит. Уи еилкаараҿы Сократ ицәажәашьа амаҭ ашҳам иеиԥшуп, уи ахшыҩ зегь реиҳа иҵәаху акәакьқәа рҟынӡа инеиуеит, анаҩс аԥсы анапахьы иаанагоит<ref>{{книга
|автор = Derrida Jacques
|заглавие = Dissemination
|язык = de
|место = Wien
|издательство = Passagen-Verl.
|год = 1995
|pages = 130—144
|isbn = 3-85165-152-9
}}</ref>.
Иҿыцӡоу аамҭазы Сократ ихаҿсахьа афилософиатә литератураҿы адагьы, асахьаркыратә литератураҿгьы аарԥшра аиуит. Убас, Сократ изкуп чехиатәи ашәҟәыҩҩы [[Томан, Йозеф|Иозеф Томан]] ироманқәа («Сократ», 1975), Џьозеф [[Хеллер, Джозеф|Хеллер]] («Асахьа ухаҿы иааг», 1988), [[Рено, Мэри|Мери Рено]] («Аҩы аҵыхәтәантәи ацәыкәбарқәа», 1956) уб. иҵ рсахьаркыратә романқәа. Сократ ихаҿсахьа асахьаркыратә ус адулара уадаҩуп, избанзар аҵарауаа-аҭоурыхҭҵааҩцәагьы афилософ дзеиԥшраҵәҟьаз азы ргәаангарақәа еиқәшәом<ref>{{cite web
|url = http://www.slovnikceskeliteratury.cz/showContent.jsp?docId=1184&hl=josef+toman+
|title = Josef TOMAN
|website = slovnikceskeliteratury.cz
|publisher = Slovník české literatury
|access-date = 2021-05-31
|archive-date = 2021-06-02
|archive-url = https://web.archive.org/web/20210602213322/http://www.slovnikceskeliteratury.cz/showContent.jsp?docId=1184&hl=josef+toman+
|url-status = live
}}</ref><ref>{{статья
|автор = Перевезенцева А. Ю.
|заглавие = Философия Древней Греции в художественной концепции исторических романов М. Рено
|ссылка = https://cyberleninka.ru/article/n/filosofiya-drevney-gretsii-v-hudozhestvennoy-kontseptsii-istoricheskih-romanov-m-reno
|издание = Вестник Нижегородского университета им. Н. И. Лобачевского
|год = 2012
|номер = 1
|страницы = 196—199
|issn = 1993-1778
|archive-date = 2021-06-02
|archive-url = https://web.archive.org/web/20210602215544/https://cyberleninka.ru/article/n/filosofiya-drevney-gretsii-v-hudozhestvennoy-kontseptsii-istoricheskih-romanov-m-reno
}}</ref>.
Акинематограф аҿы антикатә философ ихаҿсахьа аарԥшуп афильмқәа рҿы «Processo e morte di Socrate» (Италиа, 1939 шықәса), «Сократ» (Италиа — Франциа — Испаниа, 1971 шықәса), «Сократ» (СССР, 1991 шықәса) уҳәа егьырҭгьы. 1975 шықәсазы Владимир Маиаковски ихьӡ зху Москватәи атеатр аҿы имҩаԥысит [[Радзинский, Эдвард Станиславович|Едвард Раӡински]] ипиеса «Сократ иҿцәажәарақәа» иалху раԥхьатәи атеатртә қәыргыламҭа, арежиссиор [[Гончаров, Андрей Александрович|Андреи Гончаров]]. Сократ ироль наигӡеит [[Джигарханян, Армен Борисович|Армен Џьигарханиан]]<ref name="БРЭ Джигарханян">{{БРЭ
|статья = Джигарханян
|ссылка = https://old.bigenc.ru/theatre_and_cinema/text/5838985
|том = 8
|архив = https://web.archive.org/web/20230103221535/https://bigenc.ru/theatre_and_cinema/text/5838985
|архив дата = 2023-01-03
}}</ref>.
2018 шықәсазы иҭыҵит [[Ubisoft Quebec|Ubisoft]] аилахәыра ахәмарра [[Assassin’s Creed Odyssey]], уаҟа Сократ ихадам персонажк иаҳасабала даарԥшуп, афырхаҵа/афырԥҳәызба хада иҩыза бзиа иакәны.
== Азгәаҭақәа ==
'''Акомментариқәа'''
{{Reflist|group="к"}}
'''Ахыҵхырҭақәа'''
{{Reflist|2}}
== Алитература ==
=== Антикатә хыҵхырҭақәа ===
* {{книга
|автор = [[Авл Геллий]]
|заглавие = Аттические ночи. Книги I—Х
|издательство = Гуманитарная Академия
|год = 2007
|страниц = 480
|серия = Bibliotheca classica
|isbn = 978-5-93762-027-9
|ref = Авл Геллий
}}
* {{книга
|автор = [[Аристотель]]
|заглавие = Афинская полития
|ссылка = http://ancientrome.ru/antlitr/t.htm?a=1443001000
|ответственный = Перевод и примечания С. И. Радцига.
|издание = 2-е изд.
|место = М.
|издательство = Государственное социально-экономическое издательство
|год = 1937
|ref = Аристотель
}}
* {{книга
|автор = [[Аристотель]]
|заглавие = Риторика
|издательство = АСТ
|год = 2017
|страниц = 352
|серия = Вся мудрость мира
|isbn = 978-5-17-102258-7
|ref = Аристотель
}}
* {{книга
|автор = [[Афиней]]
|заглавие = Пир мудрецов
|ссылка = http://simposium.ru/ru/node/868
|ответственный = Пер. Н. Т. Голинкевича. Комм. М. Г. Витковской, А. А. Григорьевой, Е. С. Иванюк, О. Л. Левинской, Б. М. Никольского, И. В. Рыбаковой. Отв. ред. М. Л. Гаспаров
|место = М.
|издательство = Наука
|год = 2003
|страниц = 656
|серия = Литературные памятники
|isbn = 5-02-011816-8
|ref = Афиней
}}
* {{книга
|автор = [[Валерий Максим]]
|заглавие = Достопамятные деяния и изречения
|ссылка = http://simposium.ru/ru/node/808
|ответственный = Пер. с лат. С. Ю. Трохачева
|место = СПб.
|издательство = [[Издательство СПбГУ|Изд-во СПбГУ]]
|год = 2007
|страниц = 308
|isbn = 978-5-288-04267-6
|ref = Валерий Максим
}}
* {{книга
|автор = [[Диоген Лаэртский]]
|заглавие = О жизни, учениях и изречениях знаменитых философов
|ответственный = Редактор тома и автор вступительной статьи [[Лосев, Алексей Фёдорович|А. Ф. Лосев]]
|издание = второе
|место = М.
|издательство = Мысль
|год = 1986
|серия = Философское наследие
|ref = Диоген Лаэртский
}}
* {{книга
|автор = [[Диодор Сицилийский]]
|заглавие = Историческая библиотека
|ссылка = http://ancientrome.ru/antlitr/diodoros/index.htm
|ответственный = Перевод, статья, комментарии и указатель О. П. Цыбенко.
|место = М.
|издательство = Лабиринт
|год = 2000
|серия = Античное наследие
|ref = Диодор Сицилийский
}}
* {{книга
|автор = Св. Иустин-философ и мученик
|часть = О Святом Иустине Философе и мученике и его Апологиях
|ссылка часть = https://azbyka.ru/otechnik/Iustin_Filosof/apologia/
|заглавие = Творения
|ответственный = Перевод / Предисл. А. И. Сидорова
|место = М.
|издательство = Паломник
|год = 1995
|серия = Библиотека отцов и учителей церкви
|ref = Иустин
}}
* {{книга
|автор = [[Квинтилиан]]
|часть = Книга II
|ссылка часть = http://ancientrome.ru/antlitr/t.htm?a=1295584560#18-1
|заглавие = Риторические наставления
|место = СПб.
|издательство = Типография Императорской Российской Академии
|год = 1834
|ref = Квинтилиан
}}
* {{книга
|автор = Ксенофонт
|заглавие = Сократические сочинения. Киропедия
|ответственный = Переводы и статьи С. И. Соболевского, В. Г. Боруховича, Э. Д. Фролова
|место = М.
|издательство = Ладомир
|год = 2003
|isbn = 5-86218-197-0
|тираж = 5100
|ref = Ксенофонт
}}
* {{книга
| автор = [[Павсаний (географ)|Павсаний]]
| заглавие = Описание Эллады
| ссылка = http://ancientrome.ru/antlitr/pausanias/index.htm
| ответственный = Перевод и примечания [[Кондратьев, Сергей Петрович (филолог)|С. П. Кондратьева]] под редакцией Е. В. Никитюк. Ответственный редактор проф. Э. Д. Фролов.
| место = СПб.
| издательство = Алетейя
| год = 1996
| isbn = 5-89329-006-2
| ref = Павсаний
}}
* {{книга
|автор = [[Платон]]
|заглавие = Собрание сочинений в четырёх томах
|ответственный = Общая редакция А. Ф. Лосева, В. Ф. Асмуса, А. А. Τахо-Годи. Автор вступительной статьи и статей в примечаниях [[Лосев, Алексей Фёдорович|А. Ф. Лосев]]
|место = М.
|издательство = Мысль
|год = 1990
|том = 1
|серия = Философское наследие
|isbn = 5-244-00451-4
|ref = Платон

|ответственный = Общая редакция А. Ф. Лосева и В. Ф. Асмуса
|место = СПб.
|издательство = Издательство Санкт-Петербургского университета:
|год = 2007
|том = 2
|страниц = 626
|isbn = 978-5-288-04160-0
|ref = Платон
}}
* {{книга
|автор = [[Плутарх]]
|часть = О демоне Сократа
|ссылка часть = http://simposium.ru/ru/node/1072
|заглавие = Сочинения
|место = М.
|издательство = Художественная литература
|год = 1983
|ref = Плутарх
}}
* {{книга
|автор = [[Плутарх]]
|заглавие = Сравнительные жизнеописания в двух томах
|ссылка = http://ancientrome.ru/antlitr/plutarch/index-sgo.htm
|ответственный = Перевод С. П. Маркиша, обработка перевода для настоящего переиздания — С. С. Аверинцева, переработка комментария — М. Л. Гаспарова.
|издание = второе
|место = М.
|издательство = Наука
|год = 1994
|ref = Плутарх
}}
* {{книга
|автор = [[Луций Анней Сенека|Сенека]]
|часть = О благодеяниях
|ссылка часть = http://ancientrome.ru/antlitr/t.htm?a=1328203959
|заглавие = Римские стоики: Сенека, Эпиктет, Марк Аврелий
|ссылка = http://ancientrome.ru/antlitr/t.htm?a=1328203959#8
|ответственный = Вступительная статья, составление, подготовка текста В. В. Сапова
|место = М.
|издательство = Республика
|год = 1995
|ref = Сенека
}}
* {{книга
|автор = [[Клавдий Элиан]]
|заглавие = Пёстрые рассказы
|ссылка = http://ancientrome.ru/antlitr/aelianus/index.htm
|ответственный = Перевод с древнегреческого, статья, примечания и указатель С. В. Поляковой
|место = Москва—Ленинград
|издательство = Издательство Академии Наук СССР
|год = 1963
|ref = Элиан
}}
* {{книга
|автор = Ювенал
|часть = Сатиры
|заглавие = Римская сатира
|ссылка = http://ancientrome.ru/antlitr/juvenal/index.htm
|ответственный = Перевод Д. С. Недовича (сатиры 1—8), Ф. А. Петровского (сатиры 9—16), под общ. ред. Ф. А. Петровского. Перевод вышел в 1937, частично перепечатан в 1957 и переиздан в 1989.

|ref = Ювенал
}}
=== Ашәҟәқәа ===
* {{книга
|заглавие = Антология кинизма. Антисфен, Диоген, Кратет, Керкид, Дион. Фрагменты сочинений кинических мыслителей
|ссылка = https://archive.org/details/libgen_00698081
|ответственный = издание подготовил И. М. Нахов. Ответственный редактор А. А. Тахо-Годи
|место = М.
|издательство = Наука
|год = 1984
|страницы = [https://archive.org/details/libgen_00698081/page/n97 97]—133
|серия = Памятники философской мысли
|ref = Антология кинизма
}}
* {{книга
|автор = [[Асмус, Валентин Фердинандович|Асмус В. Ф.]]
|заглавие = Античная философия
|издание = 3-е
|место = М.
|издательство = Высшая школа
|год = 1999
|страниц = 400
|isbn = 5-06-003049-0
|ref = Асмус
}}
* {{книга
|автор = [[Гегель, Георг Вильгельм Фридрих|Г. В. Ф. Гегель]]
|заглавие = Лекции по истории философии
|место = СПб.
|издательство = Наука
|год = 1994
|том = 2
|серия = Слово о сущем
|isbn = 5-02-028172-7
|ref = Гегель
}}
* {{книга
|автор = [[Гомперц, Теодор|Гомперц Т.]]
|заглавие = Греческие мыслители
|ответственный = Перевод с немецкого Д. Жуковского и Е. Герцык. Научная редакция нового издания, комментарии, примечания и предисловие А. В. Цыба
|место = СПб.
|издательство = Алетейя
|год = 1999
|том = 2
|ref = Гомперц
}}
* {{книга
|автор = Зберовский А. В.
|заглавие = Сократ и афинская демократия (социально-философское исследование)
|место = Красноярск
|год = 2007
|страниц = 428
|isbn = 978-5-94617-096-3
|ref = Зберовский Сократ и афинская демократия
}}
* {{книга
|автор = [[Кессиди, Феохарий Харлампиевич|Кессиди Ф. Х.]]
|заглавие = Сократ
|издание = второе
|место = М.
|издательство = Мысль
|год = 1988
|isbn = 5-244-00026-8
|ref = Кессиди
}}
* {{книга
|автор = [[Лосев, Алексей Фёдорович|Лосев А. Ф.]], [[Тахо-Годи, Аза Алибековна|Тахо-Годи А. А.]]
|заглавие = Платон. Аристотель
|ссылка = http://kursach.com/biblio/0001003/000.htm
|место = М.
|издательство = Молодая Гвардия
|год = 1993
|страниц = 383
|серия = Жизнь замечательных людей
|isbn = 5-235-01337-9
|ref = Лосев
}}
* {{Книга|ref=Нерсесянц|автор=[[Нерсесянц, Владик Сумбатович|Нерсесянц, В. С.]]|заглавие=Сократ|ссылка=http://www.sno.pro1.ru/lib/nersesyanz/index.htm|год=1977|место=М.|издательство=[[Наука (издательство)|Наука]]|страниц=152|серия=[[Научные биографии и мемуары учёных]]}}
* {{книга
|автор = [[Ницше, Фридрих|Ницше Ф.]]
|часть = Человеческое, слишком человеческое
|заглавие = Сочинения в двух томах
|место = М.
|издательство = Мысль
|год = 1990
|том = 1
|isbn = 5-244-00138-8
|ref = Ницше Человеческое, слишком человеческое
}}
* {{книга
|автор = [[Ницше, Фридрих|Ницше Ф.]]
|часть = Проблема Сократа
|ссылка часть =
|заглавие = Сочинения в двух томах
|место = М.
|издательство = Мысль
|год = 1990
|том = 2
|страницы = 563—567
|isbn = 5-244-00138-8
|ref = Ницше
}}
* {{книга
|автор = [[Соболевский, Сергей Иванович|Соболевский С. И.]]
|заглавие = История греческой литературы
|ответственный = Под редакцией С. И. Соболевского, М. Е. Грабарь-Пассек, Ф. А. Петровского
|место = М.
|издательство = Издательство Академии наук СССР
|год = 1955
|том = 2
|ref = История греческой литературы

|заглавие = Аристофан и его время
|место = М.
|издательство = Лабиринт
|год = 2001
|страниц = 416
|серия = Античное наследие
|isbn = 5-87604-129-7
|ref = Соболевский
}}
* {{Книга|ref=Сотонин|автор=[[Сотонин, Константин Иванович|Сотонин К. И.]]|заглавие=Сократ: Введение в косметику|ссылка=http://books.e-heritage.ru/book/10077886|год=2020|место=М.|издательство=Издательство книжного магазина «Циолковский»|страниц=320|isbn=978-5-6043673-1-5}}
* {{Книга|ref=Суриков|автор=[[Суриков, Игорь Евгеньевич|Суриков, И. Е.]]|заглавие=Сократ|год=2011|место=М.|издательство=[[Молодая гвардия (издательство)|Молодая гвардия]]|страниц=384|серия=[[Жизнь замечательных людей]]|isbn=978-5-235-03455-6|тираж={{Ахыԥхьаӡара|5000}}}}
* {{книга
|автор = [[Фролов, Эдуард Давидович|Фролов Э. Д.]]
|заглавие = Факел Прометея. Очерки античной общественной мысли
|ссылка = http://www.sno.pro1.ru/lib/frolov/index.htm
|место = Л.
|издательство = Издательство Ленинградского университета
|год = 1991
|страницы = 221—266
|ref = Фролов
}}
* {{книга
|автор = [[Целлер, Эдуард|Целлер Э.]]
|заглавие = Очерк истории греческой философии
|ответственный = перевод с девятого немецкого издания под редакцией Ф. Лорцинга
|место = СПб.
|издательство = Алетейя
|год = 1996
|серия = Античная библиотека
|isbn = 5-85233-003-22
|ref = Целлер
}}
* {{книга
|автор = {{Interlanguage link|Эберт, Теодор|Эберт Т.|de|Theodor Ebert (Philosoph)}}
|заглавие = Сократ как пифагореец и анамнезис в диалоге Платона «Федон»
|ссылка = https://archive.org/details/isbn_5288036675
|ответственный = Пер. с нем. А. А. Россиуса
|место = СПб.
|издательство = Издательство Санкт-Петербургского университета
|год = 2005
|страницы = [https://archive.org/details/isbn_5288036675/page/n159 160]
|isbn = 5-288-03667-5
|ref = Эберт
}}
* {{книга
|автор = Gigon O.
|заглавие = Sokrates
|язык = de
|место = Tübingen/Basel
|издательство = Francke
|год = 1994
|isbn = 377201447X
|ref = Gigon
}}
* {{книга
|автор = [[Гатри, Уильям Кит Чеймберс|Guthrie W. K. C.]]
|заглавие = Socrates
|язык = en
|ссылка = https://books.google.co.uk/books?id=a-h35nyFR7IC&printsec=frontcover&hl=ru#v=onepage&q&f=false
|место = Cambridge
|издательство = Cambridge University Press
|год = 2001
|isbn = 0-521-096677
|ref = Guthrie
}}
* {{книга
|автор = Long A. A.
|часть = Socrates in Hellenistic philosophy
|заглавие = Stoic Studies
|язык = en
|ссылка = https://books.google.com.ua/books?id=K3VSYDlc9EAC&pg=PR5&hl=ru&source=gbs_selected_pages&cad=3#v=onepage&q&f=false

|isbn = 9780521482639
|ref = Long
}}
* {{книга
|автор = Mcpherran M. L.
|часть = Socratic Religion
|ссылка часть = https://www.cambridge.org/core/books/cambridge-companion-to-socrates/socratic-religion/A72879F1EDEF14DBD7C8D51B000D5148
|заглавие = The Cambridge Companion to Socrates

|pages = 111—137
|isbn = 9780511780257
|doi = 10.1017/CCOL9780521833424.006
|ref = Mcpherran
}}
* {{книга
|автор = {{Interlanguage link|Нейлз, Дебра|Nails Debra|en|Debra Nails}}
|заглавие = The people of Plato: a prosopography of Plato and other Socratics
|язык = en
|ссылка = https://books.google.com.ua/books?id=y3YRwNsnu54C&printsec=frontcover&hl=ru#v=onepage&q&f=false
|место = Indianapolis, IN
|издательство = Hackett Publishing Company, Inc.
|год = 2002
|pages = 86—87
|isbn = 0-87220-564-9
|ref = Nails
}}
* {{книга
|автор = Navia L. E.
|часть = Chapter 2. Antisthenes, the Absolute Dog
|ссылка часть = https://books.google.com.ua/books?id=khpY2fQaIg0C&pg=PA37&hl=ru&source=gbs_toc_r&cad=4#v=onepage&q&f=false
|заглавие = Classical Cynicism: A Critical Study
|язык = en
|ссылка = https://books.google.com.ua/books?id=khpY2fQaIg0C&printsec=frontcover&hl=ru#v=onepage&q&f=false
|место = Westport, CT
|издательство = Greenwood Publishing Group
|год = 1996
|isbn = 0-313-30015-1
|ref = Navia
}}
* {{Акьыԥхьра|книга
|автор=Renger A.-B., Stellmacher A.
|часть=Sokrates
|язык =de
|заглавие=Die Reception der anticken Literatur
|год=2010
|место=Stuttgart ; Weimar
|издательство=J.B. Metzler Verlag
|band=
|kolonnen=711—732
|ISBN=978-3-476-02034-5
|ref=Renger, Stellmacher
}}
* {{книга
|автор = {{Interlanguage link|Расселл, Дональд|Russell D.|en|Donald Russell (classicist)}}
|часть = Polycrates 2
|ссылка часть = https://books.google.com.ua/books?id=bVWcAQAAQBAJ&pg=PA1176&redir_esc=y#v=onepage&q&f=false
|заглавие = The Oxford Classical Dictionary
|язык = en
|ссылка = https://books.google.com.ua/books?id=bVWcAQAAQBAJ&printsec=frontcover&hl=ru#v=onepage&q&f=false
|ответственный = General editors Simon Hornblower and Antony Spawforth
|издание = fourth edition
|место = Oxford
|издательство = Oxford University Press
|год = 2012
|страницы = 1176
|isbn = 978-0-19-954556-8
|ref = Russell
}}
=== Астатиақәа ===
* {{статья
| автор = Алымова Е. В.
| заглавие = Эсхин из Сфетта и традиция сократического диалога
| ссылка = <!-- https://www.elibrary.ru/item.asp?id=30556155 доступно после регистрации, так не открывается-->
| издание = Платоновские исследования
| год = 2017
| том = 7
| номер = 2
| страницы = 97—116
| issn = 2619-0745
| ref = Алымова
}}
* {{статья
| автор = Алымова Е. В., Караваева С. В.
| заглавие = Геракл как протагонист кинической литературы
| ссылка = https://cyberleninka.ru/article/n/gerakl-kak-protagonist-kinicheskoy-literatury/viewer
| издание = Вестник Русской христианской гуманитарной академии
| год = 2018
| том = 19
| выпуск = 4
| страницы = 262—270
| issn = 1819-2777
| doi = 10.25991/VRHGA.2018.19.3.022
| ref = Алымова, Караваева
}}
* {{статья
| автор = Афонасин Е. В.
| заглавие = Доксография в поздней античности. Часть вторая: «Опровержение всех ересей» и другие позднеантичные свидетельства
| ссылка = <!-- https://www.elibrary.ru/item.asp?id=9442017 доступно после регистрации-->
| издание = Вестник Новосибирского государственного университета. Серия: философия
| год = 2006
| том = 4
| номер = 1
| страницы = 113—125
| issn = 1818-796X
| ref = Афонасин
}}
* {{статья
| автор = Безгодов Д. Н.
| заглавие = Ирония в сократическом методе: механизм и относительная ценность
| ссылка = <!-- https://elibrary.ru/item.asp?id=25054457-->
| издание = Общество: философия, история, культура
| год = 2015
| номер = 6
| страницы = 57—61
| issn = 2223-6449
| ref = Безгодов
}}
* {{статья
| автор = Гаджикурбанова П. А.
| заглавие = От Киносарга к Портику
| ссылка = https://et.iph.ras.ru/article/view/2539/1881
| ответственный = Институт философии РАН
| издание = Этическая мысль
| год = 2006
| выпуск = 7
| страницы = 110—126
| ref = Гаджикурбанова
}}
* {{статья
| автор = Гараджа А. В.
| заглавие = Аристоксен Тарентский о Сократе и Платоне
| ссылка = https://elibrary.ru/item.asp?id=38214755
| издание = Платоновские исследования
| год = 2019
| том = 10
| номер = 1
| страницы = 197—208
| issn = 2619-0745
| ref = Гараджа
}}
* {{статья
| автор = Горан В. П.
| заглавие = Кризис древнегреческой демократии и философии Сократа (II)
| ссылка = <!-- https://elibrary.ru/item.asp?id=9569094 -->
| ответственный = Сибирское отделение РАН, Институт истории СО РАН
| издание = Гуманитарные науки в Сибири
| год = 2007
| номер = 1
| страницы = 53—57
| issn = 0869-8651
| ref = Горан
}}
* {{статья
| автор = Зберовский А. В.
| заглавие = Социальный смысл критики Сократа в комедиях Аристофана
| ссылка = https://cyberleninka.ru/article/n/sotsialnyy-smysl-kritiki-sokrata-v-komediyah-aristofana/viewer
| издание = Вестник Красноярского государственного аграрного университета
| год = 2007
| номер = 3
| страницы = 260—265
| issn = 1819-4036
| ref = Зберовский
}}
* {{статья
| автор = Зберовский А. В.
| заглавие = Даймон Сократа как явление культуры Эллады V века до н. э.
| ссылка = https://cyberleninka.ru/article/n/daymon-sokrata-kak-yavlenie-kultury-ellady-v-veka-do-n-e

| год = 2008
| номер = 5
| страницы = 323—331
| ref = Зберовский
}}
* {{статья
| автор = Золотухина А. И.
| заглавие = Критон-сократик: пример создания фиктивного представителя школы
| ссылка = https://cyberleninka.ru/article/n/kriton-sokratik-primer-sozdaniya-fiktivnogo-predstavitelya-shkoly
| издание = Вестник Православного Свято-Тихоновского гуманитарного университета. Серия 1: Богословие. Философия. Религиоведение
| год = 2012
| выпуск = 3
| номер = 41
| страницы = 97—104
| ref = Золотухина
}}
* {{статья
| автор = Караваева С. В.
| заглавие = Ренессансное возрождение Сократа
| ссылка = https://www.elibrary.ru/item.asp?id=44435058

| год = 2020
| том = 21
| номер = 4
| страницы = 46—55
| issn = 1819-2777
| ref = Караваева
}}
* {{статья
| автор = Кобылкин Д. С.
| заглавие = Философское значение даймония и проблема понимания
| ссылка = https://elibrary.ru/item.asp?id=24082188
| ответственный = отв. ред. Дронов В. Н.
| издание = Информатизация населения и устранение цифрового неравенства как фактор социально-экономического развития региона: Материалы международно-практической конференции 21 мая 2015 г.
| место = Рязань
| год = 2015
| страницы = 87—91
| isbn = 978-5-905051-14-2
| ref = Кобылкин
}}
* {{книга
|автор = Королёва Л. Д.
|часть = Диалектический метод Сократа
|ссылка часть = http://lib.sportedu.ru/GetText.idc?TxtID=1028
|заглавие = Юбилейн. сб. тр. учен. РГАФК, посвящ. 80-летию акад.
|место = М.
|год = 1998
|том = 5
|страницы = 74—77
|ref = Королёва
}}
* {{статья
| автор = Лебедев С. А.
| заглавие = Проблема научного метода в античной философии
| ссылка = <!-- https://www.elibrary.ru/item.asp?id=37739742 доступно после регистрации-->
| издание = Журнал философских исследований
| год = 2019
| том = 5
| номер = 2
| страницы = 10—20
| issn = 2500-0519
| ref = Лебедев
}}
* {{книга
|автор = [[Лосев, Алексей Фёдорович|Лосев А. Ф.]]
|часть = Жизненный и творческий путь Платона
|заглавие = Платон. Собрание сочинений в четырёх томах

|страницы = 3—63
|страниц = 860
|isbn = 5-244-00451-4
|ref = Лосев
}}
* {{статья
| автор = Макарова И. В.
| заглавие = Друг или истина? (к истории афоризма «Amicus Plato. . . » в античности)
| ссылка = https://cyberleninka.ru/article/n/drug-ili-istina-k-istorii-aforizma-amicus-plato-v-antichnosti
| издание = Вестник Самарской гуманитарной академии. Серия: Философия. Филология
| издательство = Частное образовательное учреждение высшего образования «Самарская гуманитарная академия»
| год = 2017
| выпуск = 22
| номер = 2
| страницы = 69—80
| issn = 1998-913X
| ref = Макарова
}}
* {{статья
| автор = Матвейчев О. А.
| заглавие = Платон как плагиатор
| ссылка = https://elibrary.ru/item.asp?id=36510561
| издание = Миссия конфессий
| год = 2018
| том = 7
| выпуск = 28
| номер = 1
| страницы = 71—83
| issn = 2499-9423
| ref = Матвейчев
}}
* {{статья
| автор = Матвейчев О. А.
| заглавие = Философия как объект цензуры в Древней Греции
| ссылка = https://cyberleninka.ru/article/n/filosofiya-kak-obekt-tsenzury-v-drevney-gretsii/viewer
| издание = Социально-гуманитарные знания
| издательство = Автономная некоммерческая организация Редакция журнала «Социально-гуманитарные знания»
| год = 2018
| номер = 2
| страницы = 236—249
| issn = 0869-8120
| ref = Матвейчев Философия
}}
* {{статья
| автор = Медовичев А. Е.
| заглавие = 2017. 02. 002-006. Афинская демократия: свобода, власть закона и суверенитет народа. (сводный реферат)
| ссылка = https://cyberleninka.ru/article/n/2017-02-002-006-afinskaya-demokratiya-svoboda-vlast-zakona-i-suverenitet-naroda-svodnyy-referat
| ответственный = Федеральное государственное бюджетное учреждение науки Институт научной информации по общественным наукам Российской академии наук
| издание = Социальные и гуманитарные науки. Отечественная и зарубежная литература. Сер. 5, История: Реферативный журнал
| год = 2017
| номер = 2
| страницы = 15—27
| issn = 2219-875X
| ref = Медовичев
}}
* {{статья
| автор = Мочалова И. Н.
| заглавие = Философия Антисфена и формирование кинической традиции
| ссылка = https://cyberleninka.ru/article/n/filosofiya-antisfena-i-formirovanie-kinicheskoy-traditsii/viewer
| издание = Вестник Ленинградского государственного университета им. А. С. Пушкина
| год = 2019
| номер = 1
| страницы = 16—25
| issn = 1818-6653
| ref = Мочалова
}}
* {{статья
| автор = Протопопова И. А.
| заглавие = «Сократический вопрос»: старые проблемы и новые тенденции
| ссылка = https://cyberleninka.ru/article/n/sokraticheskiy-vopros-starye-problemy-i-novye-tendentsii
| издание = Scholae. Философское антиковедение и классическая традиция
| издательство = Федеральное государственное автономное образовательное учреждение высшего образования «Новосибирский национальный исследовательский государственный университет»
| год = 2019
| том = 13
| номер = 1
| страницы = 330—338
| issn = 1995-4336
| doi = 10.25205/1995-4328-2019-13-1-330-338
| ref = Протопопова
}}
* {{статья
| автор = Разумов М. С.
| заглавие = Проблема Сократа «глазами» Ницше: продолжение размышления
| ссылка = https://elibrary.ru/item.asp?id=13010539
| издание = Вестник Омского университета
| год = 2008
| номер = 2
| страницы = 58—62
| issn = 1812-3996
| ref = Разумов
}}
* {{статья
| автор = Райхерт К.
| заглавие = «Досократовская философия» Иоганна Августа Эберхарда
| ссылка = <!-- https://www.elibrary.ru/item.asp?id=21987184 доступно после регистрации-->
| издание = Sententiae
| год = 2012
| выпуск = 26
| номер = 1
| страницы = 110—120
| issn = 2308-8915
| ref = Райхерт
}}
* {{статья
| автор = Рыканцова О. А.
| заглавие = Образ Сократа в древнегреческой комедии
| ссылка = https://cyberleninka.ru/article/n/obraz-sokrata-v-drevnegrecheskoy-komedii/viewer
| издание = Вестник Санкт-Петербургского университета. История
| год = 2012
| выпуск = 3
| страницы = 132—140
| issn = 1812-9323
| ref = Рыканцова
}}
* {{статья
| автор = [[Светлов, Роман Викторович|Светлов Р. В.]]
| заглавие = Легко ли (было) быть «сократиком»? Пристрастный взгляд комедии на Херефонта из Сфетта
| ссылка = http://socrates.rhga.ru/upload/iblock/509/Светлов.%20Легко%20ли%20(было)%20быть%20«сократиком».pdf
| издание = Платоновские исследования
| год = 2017
| том = 7
| номер = 2
| страницы = 84—96
| issn = 2619-0745
| ref = Светлов
}}
* {{книга
|автор = Солопова М. А.
|часть = Федон
|ссылка часть = http://philosophy.niv.ru/doc/dictionary/ancient-philosophy/articles/331/fedon.htm
|заглавие = Античная философия: Энциклопедический словарь
|место = М.
|издательство = Прогресс-Традиция
|год = 2008
|страниц = 896
|isbn = 5-89826-309-0
|ref = Солопова
}}
* Солопова М. А. [https://iphlib.ru/library/collection/newphilenc/document/HASHc972ba5d4a19720658b2c9 Евклид из Мегары] // Новая философская энциклопедия / Ин-т философии РАН; Нац. обществ.-науч. фонд; Пред. научно-ред. совета В. С. Стёпин. — 2-е изд., испр. и допол. — М.: Мысль, 2010. — ISBN 978-5-244-01115-9.
* {{статья
| автор = [[Туманс, Харийс|Туманс Х.]]
| заглавие = PENTHKONTAETIA. Исследования по античной истории и культуре. Сборник статией, посвященный 50-летию Игоря Евгеньевича Сурикова
| ссылка = https://blogi.lu.lv/harijs/2009/01/10/так-был-ли-сократ-аристократом/
| ответственный = Под ред. О.Л. Габелко, А.А. Синицына
| место = М.—СПб.
| год = 2018
| страницы = 142—149
| ref = Туманс
}}
* {{статья
| автор = [[Шичалин, Юрий Анатольевич|Шичалин Ю. А.]]
| заглавие = Сократ-пифагореец — изобретение Платона?
| ссылка = https://cyberleninka.ru/article/n/sokrat-pifagoreets-izobretenie-platona

| страницы = 76—86
| issn = 2409-4692
| ref = Шичалин
}}
* {{статья
| автор = Boys-Stones George
| заглавие = Phaedo of Elis and Plato on the Soul
|jstor=4182741 | язык = en
| издание = Phronesis
| издательство = Brill
| год = 2004
| volume = 49
| номер = 1
| ref = Boys-Stones
}}
* {{книга
|автор = Di Lanzo Danilo
|часть = Phaedo of Elis: The Biography, Zopyrus, and His Intellectual Profile
|ссылка часть = https://www.academia.edu/36217396/Phaedo_of_Elis_The_Biography_Zopyrus_and_His_Intellectual_Profile_in_A_Stavru_C_Moore_Eds_Socrates_and_the_Socratic_Dialogue_Leiden_New_York_Brill_2018_pp_221_234
|заглавие = Socrates and the Socratic Dialogue
|язык = en
|ответственный = edited by Alessandro Stavru, Christopher Moore
|место = Leiden; New York
|издательство = Brill
|год = 2018
|pages = 221—234
|isbn = 978-90-04-34122-7
|ref = Di Lanzo
}}
* {{статья
| автор = Hock Ronald F.
| заглавие = Simon the Shoemaker as an Ideal Cynic
| язык = en
| издание = Greek, Roman and Byzantine Studies
| год = 1976
| номер = 17
| pages = 41—53
| doi = 10.1075/bsp.15.21hoc
| ref = Hock
|issn=1384-668X}}
* {{статья
| автор = Nakhnikian G.
| заглавие = The First Socratic Paradox
| ссылка = https://muse.jhu.edu/article/227983
| язык = en
| издание = Journal of the History of Philosophy
| издательство = Johns Hopkins University Press
| год = 1973
| месяц = January
| том = 11
| номер = 1
| страницы = 1—17
| issn = 1538-4586
| ref = Nakhnikian
}}
* {{статья
| автор = Santas G.
| заглавие = The Socratic Paradoxes
| ссылка = https://archive.org/details/sim_philosophical-review_1964-04_73_2/page/147
| язык = en
| издание = The Philosophical Review
| год = 1964
| том = 73
| номер = 2
| страницы = 147
| doi = 10.2307/2183333
| ref = Santas
}}
{{Авторитет змоу адыррақәа}}
[[Акатегориа:Ҳ. ҟ. 469 шықәсазы ииз]]
[[Акатегориа:Ҳ. ҟ. 399 шықәсазы иԥсыз]]
[[Акатегориа:Ҳ. ҟ. 5-тәи ашәышықәсазтәи афилософцәа]]
[[Акатегориа:Ажәытәбырзен философцәа]]
[[Акатегориа:Иршьыз афилософцәа]]
[[Акатегориа:«Анцәатә комедиа» аперсонажқәа]]
2zlz1ek93cu7meq8sk2n7ka8axfcu4r
176266
176264
2026-11-04T15:15:57Z
Nart17
17397
Защитил страницу [[Сократ]]: Ахьчара авандализм ацәыхьчараз ([Аредакциазура=Разрешено только автоподтверждённым участникам] (бессрочно) [Переименование=Разрешено только администраторам] (бессрочно))

176267
176266
2026-11-04T15:16:43Z
Nart17
17397
Акарточка: абызшәеи азанааҭи аԥсшәала
176267
wikitext
text/x-wiki
{{Акарточка афилософ
| афото = Socrates Louvre.jpg
| ахҵара = [[Лисипп]] иусумҭаз Сократ ибиуст римтәи ахкьыԥхьаа. [[Лувр]], [[Париж]]
| аира арыцхә = ҳ. ҟ. 469 инарзынаԥшуа
| аира аҭыԥ = [[Древние Афины|Афины]]
| аԥсра арыцхә = ҳ. ҟ. 399 инарзынаԥшуа (70 шықәса)
| аԥсра аҭыԥ = [[Древние Афины|Афины]]
| атәыла = [[Древние Афины|Афины]]
| ашкол = [[Греческая философия|аклассикатә]] бырзен философиа, асократтә
| аҩымҭақәа рбызшәа = ажәытә бырзен бызшәа
| азанааҭ = афилософ

bg9ddoz36nbiyieqjswh86vhtxjuz2t
176268
176267
2026-11-04T15:17:13Z
Nart17
17397
{{lang-xx}} for foreign terms and {{date}} for dates, per Fraxinus.cs; rendered output unchanged
176268
wikitext
text/x-wiki
{{Акарточка афилософ
| афото = Socrates Louvre.jpg
| ахҵара = [[Лисипп]] иусумҭаз Сократ ибиуст римтәи ахкьыԥхьаа. [[Лувр]], [[Париж]]
| аира арыцхә = ҳ. ҟ. 469 инарзынаԥшуа
| аира аҭыԥ = [[Древние Афины|Афины]]
| аԥсра арыцхә = ҳ. ҟ. 399 инарзынаԥшуа (70 шықәса)
| аԥсра аҭыԥ = [[Древние Афины|Афины]]
| атәыла = [[Древние Афины|Афины]]
| ашкол = [[Греческая философия|аклассикатә]] бырзен философиа, асократтә
| аҩымҭақәа рбызшәа = ажәытә бырзен бызшәа
| азанааҭ = афилософ
| аинтерес хадақәа = [[эпистемология|аепистемологиа]], [[этика|аетика]]
| анырра ҟазҵаз = Сократ иаԥхьатәи афилософцәа, [[софисты|асофистцәа]]
| анырра зхызгаз = [[Платон]], [[Ксенофонт]], [[Аристотель]], асократтә [[сократические школы|школқәа]], [[стоики|астоикцәа]] уб.иҵ.
}}
'''Сократ''' ({{lang-grc|Σωκράτης}}; ҳ. ҟ. 469 ш инарзынаԥшуа, [[Древние Афины|Афины]] — ҳ. ҟ. 399 ш, [[Древние Афины|Афины]]) — ажәытә бырзен [[философ]].

jgbxp30v2sjc5lcl7130p0qk5o0avkk
176275
176268
2026-11-04T19:02:56Z
Fraxinus.cs
8381
Дoбaвлeнa [[Акатегориа:Иршьыз ашәҟәыҩҩцәа]] [[ВП:HC|HotCat]] ацхыраарала

[[Акатегориа:Иршьыз ашәҟәыҩҩцәа]]
ha3bnvtv93kywi94eg227kewghasc94
Ахцәажәара:Сократ
1
57921
176265
2026-11-04T15:15:47Z
Nart17
17397
Аиҭагара азы аинформациа
176265
wikitext
text/x-wiki
== Аиҭагара ==
Ари астатиа [[:ru:Сократ|аурыс Авикипедиа астатиа «Сократ»]] аҟынтәи еиҭагоуп
(алицензиа [https://creativecommons.org/licenses/by-sa/4.0/deed.ru CC BY-SA 4.0];
авторцәа рсиа — жьаратәи астатиа аҭоурых аҿы).
* '''Аиҭагаҩ:''' Астанда Кецба
* '''Апроект:''' Nart17 translation team
mraxn5gp3p7ofxhi5a0qsifo8xubqx0
Акатегориа:Ҳ. ҟ. 469 шықәсазы ииз
14
57922
176269
2026-11-04T15:17:37Z
Nart17
17397
Акатегориа ҿыц
176269
wikitext
text/x-wiki
[[Акатегориа:Ҳ. ҟ. 469 шықәса]]
pccdi30ubrg283ol73wgrvo44lobjgr
Акатегориа:Ҳ. ҟ. 399 шықәсазы иԥсыз
14
57923
176270
2026-11-04T15:17:42Z
Nart17
17397
Акатегориа ҿыц
176270
wikitext
text/x-wiki
[[Акатегориа:Ҳ. ҟ. 399 шықәса]]
aocgamq3tcoqcjtd6ru18mti4vn256n
Акатегориа:Ҳ. ҟ. 5-тәи ашәышықәсазтәи афилософцәа
14
57924
176271
2026-11-04T15:17:44Z
Nart17
17397
Акатегориа ҿыц
176271
wikitext
text/x-wiki
[[Акатегориа:Афилософцәа ашәышықәсақәа рыла]]
fqlk46nnpu0j6138i8bwm1iw6mzmlrf
Акатегориа:Ажәытәбырзен философцәа
14
57925
176272
2026-11-04T15:17:48Z
Nart17
17397
Акатегориа ҿыц
176272
wikitext
text/x-wiki
{{DEFAULTSORT:жәытәбырзен философцәа}}
[[Акатегориа:Ажәытә бырзенцәа рзанааҭла|философцәа]]
[[Акатегориа:Афилософцәа]]
4338ga0m923jms6pbhfwsad62hpx4ir
Акатегориа:Иршьыз афилософцәа
14
57926
176273
2026-11-04T15:17:53Z
Nart17
17397
Акатегориа ҿыц
176273
wikitext
text/x-wiki
{{CatAutoTOC}}
[[Акатегориа:Иршьыз ауаа рзанааҭ ҳасабала|философцәа]]
[[Акатегориа:Афилософцәа]]
l9wtf00zt4r7fnmbdw3kboabwyp5ac7
176274
176273
2026-11-04T19:02:44Z
Fraxinus.cs
8381
Дoбaвлeнa [[Акатегориа:Иршьыз ашәҟәыҩҩцәа]] [[ВП:HC|HotCat]] ацхыраарала
176274
wikitext
text/x-wiki
{{CatAutoTOC}}
[[Акатегориа:Иршьыз ауаа рзанааҭ ҳасабала|философцәа]]
[[Акатегориа:Афилософцәа]]
[[Акатегориа:Иршьыз ашәҟәыҩҩцәа]]
r21cycultlq192nu5t19z7weaox6rsx
Акатегориа:Адин аҿы ацәгьаурақәа
14
57927
176277
2026-11-04T19:08:29Z
Fraxinus.cs
8381
Новая страница: « {{DEFAULTSORT:дин аҿы ацәгьаурақәа}} [[Акатегориа:Адинтә зин|цәгьаурақәа]] [[Акатегориа:Аполитикатә цәгьаурақәа]]»
176277
wikitext
text/x-wiki
{{DEFAULTSORT:дин аҿы ацәгьаурақәа}}
[[Акатегориа:Адинтә зин|цәгьаурақәа]]
[[Акатегориа:Аполитикатә цәгьаурақәа]]
adgbj9otjd14cdfmsxxzbvl2zlqhadx
Акатегориа:Ацәажәаратә цәгьаурақәа
14
57928
176278
2026-11-04T19:10:46Z
Fraxinus.cs
8381
Новая страница: « {{DEFAULTSORT:цәажәаратә цәгьаурақәа}} [[Акатегориа:Ацәгьаурақәа]] [[Акатегориа:Ажәа ахақәиҭра]]»
176278
wikitext
text/x-wiki
{{DEFAULTSORT:цәажәаратә цәгьаурақәа}}
[[Акатегориа:Ацәгьаурақәа]]
[[Акатегориа:Ажәа ахақәиҭра]]
18xfycd4bj8hwgrcigwdf03cscec16p
Акатегориа:Ақьырсиантә динхаҵара ҿыцқәа
14
57929
176279
2026-11-04T19:13:33Z
Fraxinus.cs
8381
Новая страница: « {{DEFAULTSORT:қьырсиантә динхаҵара ҿыцқәа}} [[Акатегориа:Адинхаҵара ҿыцқәа адинқәа рыла]] [[Акатегориа:Ақьырсианцәа рҵысрақәа|*]]»
176279
wikitext
text/x-wiki
{{DEFAULTSORT:қьырсиантә динхаҵара ҿыцқәа}}
[[Акатегориа:Адинхаҵара ҿыцқәа адинқәа рыла]]
[[Акатегориа:Ақьырсианцәа рҵысрақәа|*]]
1xd9qm4cvqfbv5mf37j62dl0ewscllp
Акатегориа:Адинхаҵара ҿыцқәа адинқәа рыла
14
57930
176280
2026-11-04T19:15:21Z
Fraxinus.cs
8381
Новая страница: «{{Commonscat|New religious movements by religion}} {{Аконтеинер акатегориа}} {{DEFAULTSORT:динхаҵара ҿыцқәа адинқәа рыла}} [[Акатегориа:Адинхаҵара ҿыцқәа| динқәа]] [[Акатегориа:Акатегориақәа адинқәа рыла]]»
176280
wikitext
text/x-wiki
{{Commonscat|New religious movements by religion}}
{{Аконтеинер акатегориа}}
{{DEFAULTSORT:динхаҵара ҿыцқәа адинқәа рыла}}
[[Акатегориа:Адинхаҵара ҿыцқәа| динқәа]]
[[Акатегориа:Акатегориақәа адинқәа рыла]]
tdqn9x5mipate9rfcabfvh80de76owg
Акатегориа:Адинхаҵара ҿыцқәа
14
57931
176281
2026-11-04T19:16:48Z
Fraxinus.cs
8381
Новая страница: «{{commonscat|New religious movements}} {{DEFAULTSORT:динхаҵара ҿыцқәа}} [[Акатегориа:Адини ауаажәларреи]] [[Акатегориа:Адинхаҵаратә хырхарақәеи аҵасқәеи аҵысрақәеи]]»
176281
wikitext
text/x-wiki
{{commonscat|New religious movements}}
{{DEFAULTSORT:динхаҵара ҿыцқәа}}
[[Акатегориа:Адини ауаажәларреи]]
[[Акатегориа:Адинхаҵаратә хырхарақәеи аҵасқәеи аҵысрақәеи]]
k44898lwmsa1ou6vhssxi6z6z4odhr3
Акатегориа:Адинхаҵара ҿыцқәа рыдгылаҩцәа
14
57932
176286
2026-11-04T19:20:43Z
Fraxinus.cs
8381
Новая страница: «{{Аконтеинер акатегориа}} {{DEFAULTSORT:динхаҵара ҿыцқәа рыдгылаҩцәа}} [[Акатегориа:Адинхаҵара ҿыцқәа|+дгылаҩцәа]] [[Акатегориа:Ауаа адинқәа рыла]]»
176286
wikitext
text/x-wiki
{{Аконтеинер акатегориа}}
{{DEFAULTSORT:динхаҵара ҿыцқәа рыдгылаҩцәа}}
[[Акатегориа:Адинхаҵара ҿыцқәа|+дгылаҩцәа]]
[[Акатегориа:Ауаа адинқәа рыла]]
fy8rtdc38y10zb0y3jobfnndmedmy9x
Акатегориа:Урыстәылатәи аимпериа аҟынтәи аиҭагаҩцәа
14
57933
176287
2026-11-04T19:22:02Z
Fraxinus.cs
8381
Новая страница: «[[Акатегориа:Non-fiction writers from the Russian Empire]] [[Акатегориа:Урыстәылатәи аимпериа аҟынтәи исахьаркыратәым алитература ашәҟәыҩҩцәа|:аиҭагаҩцәа]]»
176287
wikitext
text/x-wiki
[[Акатегориа:Non-fiction writers from the Russian Empire]]
[[Акатегориа:Урыстәылатәи аимпериа аҟынтәи исахьаркыратәым алитература ашәҟәыҩҩцәа|:аиҭагаҩцәа]]
bxuwike4ygbcb0tgt3uznxrhfd23xlz
176288
176287
2026-11-04T19:23:05Z
Fraxinus.cs
8381
176288
wikitext
text/x-wiki
[[Акатегориа:Урыстәылатәи аимпериа аҟынтәи исахьаркыратәым алитература ашәҟәыҩҩцәа|аиҭагаҩцәа]]
[[Акатегориа:Урыстәылатәи аиҭагаҩцәа|:]]
mp04osvrhglosqwnm7l9s18fnxasrm8
Акатегориа:Активизми ауаажәларратә ԥсахрақәеи ирызку ашәҟәыҩҩцәа
14
57934
176289
2026-11-04T19:25:55Z
Fraxinus.cs
8381
Новая страница: «{{Category see also|Активизм иазку арҿиамҭақәа}} {{CatAutoTOC}} [[Акатегориа:Активизм|*шәҟәыҩҩцәа]] [[Акатегориа:Активистцәа|*шәҟәыҩҩцәа]] [[Акатегориа:Ауаажәларратә ԥсахрақәа|:шәҟәыҩҩцәа]] [[Акатегориа:Ауаажәларратә ҵысрақәа|*]] Акатегориа:Адокументалтә проза атемати...»
176289
wikitext
text/x-wiki
{{Category see also|Активизм иазку арҿиамҭақәа}}
{{CatAutoTOC}}
[[Акатегориа:Активизм|*шәҟәыҩҩцәа]]
[[Акатегориа:Активистцәа|*шәҟәыҩҩцәа]]
[[Акатегориа:Ауаажәларратә ԥсахрақәа|:шәҟәыҩҩцәа]]
[[Акатегориа:Ауаажәларратә ҵысрақәа|*]]
[[Акатегориа:Адокументалтә проза атематика ашәҟәыҩҩцәа]]
fvo384rt08a01dqeq7ypyfqfl2uubwp
Акатегориа:20-тәи ашәышықәсазтәи Америкатәи ашәҟәыҩҩцәа
14
57935
176293
2026-11-05T11:43:45Z
Fraxinus.cs
8381
Новая страница: «{{Commons category|{{Title century}}th-century writers from the United States}} {{Category series navigation}} [[Акатегориа:{{Title century}}-тәи ашәышықәсазтәи ашәҟәыҩҩцәа атәылақәа рыла|Америка]] [[Акатегориа:{{Title century}}-тәи ашәышықәсазтәи Америка инхоз ауаа рзанааҭла|шәҟәыҩҩцәа]] Акатегориа:Америкатәи ашә...»
176293
wikitext
text/x-wiki
{{Commons category|{{Title century}}th-century writers from the United States}}
{{Category series navigation}}
[[Акатегориа:{{Title century}}-тәи ашәышықәсазтәи ашәҟәыҩҩцәа атәылақәа рыла|Америка]]
[[Акатегориа:{{Title century}}-тәи ашәышықәсазтәи Америка инхоз ауаа рзанааҭла|шәҟәыҩҩцәа]]
[[Акатегориа:Америкатәи ашәҟәыҩҩцәа ашәышықәсақәа рыла]]
[[Акатегориа:{{Title century}}-тәи ашәышықәсазы Америкатәи алитература|шәҟәыҩҩцәа]]
gydptilfaffb46n6bu40do335jto3np