Х’әажәарпыҫыи Иарчхьауи разәабжь

Материал из Wikipedia

Х’әажәарпыҫыи Иарчхьауи разәабжь


Нарҭаа иаҳәшьа заҵәык дрыман. Гәында лыхьӡын. Даара ҧҳәыҙба ҧшӡан. Аҵ’ан раҳ Иарчхьау дыиыҙҳәан. Х’әажәарҧыҫ зыхьӡыз Нарҭаа дрываҟәылуа дыҟан. Иырашь акәадыр ҙақәыу аҩны ҩынтәы-хынтәы иах’ырыууааны даҵаҫны икны акәын дҙақәтәуаз данҽыжәлашаз. Кәашарыла, хәмаррыла, чаҧашьала, х’аҵ’арылагьы Нарҭаа иырыиҭуамызт.


Длышьҭалт Нарҭаа раҳәшьа. Нарҭаа рлымҳа аҟнынӡа иынаигӡаит азәала игәы иҭаз. Иарҳәт нарҭаа раҳәшьа Иарчхьау дҙыиҙҳәаз ах’а агәхьаа мкыкәа уыҫ раиҳәт: Сара дызгар сәаҙыразызар, Иарчхьау сиабашьуаит, саҵахуазар, иара диымазааит, сиааир, сара дызгараны, - ҳәа азәа рныиҵт.


Иаҙыразхан нарҭаа, иаибашьыит Иарчхьауыи Х’әажәарҧыҫыи. Иаибашьуа иаибашьуа иҫыҟаз, Иарчхьау изх’ык ахы аахан, иыхәыит. Иарчхьау быжьх’ык иых’агылан. Даныихә, азәа иыныиҵт Иарчхьау Х’әажәарҧыҫ, Аинар-жьыи иҟны дц’аны, иых’ы чаҧаны даанӡа аӡара иыиҭарац’ы. Х’әажәарҧыҫ даҙыразхыит аӡара иыиҭт.


Нарҭаа ран Гәашьаныса ажәлар лыҧҳа лҙы иаидынҵәалуашәа анылба, дрықәшәыит: «Нан, сыҧҳа, бара бымшала ажәлар иаидынҵәалт. Иахьанах’ыс бара бымшала аӡәы шьаҧхӡы каимҭәааит, бара бҳашҳатәыраха баанхааит! Х’әажәарҧыҫ, уыхьӡ бзыиан, уҔәҔәан, адыунаи уах’аҵәаны уыҟан, уыхьӡ иахьанах’ыс имыӡуа, ух’әажәха адыунаи уахьӡаны уыҟалааит!. Иарчхьау, ахы иыныукьыҫыз уацәнымхааит!» - лҳәан, иыҙылҳәаз аиҧш зиагьы ааҟалт. Лара иылҳәалагь зиагьы ҟалуан аамҭала. Уыбрыи аҙауп рҳәуаит ах’әажә абнақәа рыҟны хабалагь иыҙыҟау.