Аспикер Ҭырқәтәылатәи аҧсуа диаспора ахаҭарнакцәа дырҧылеит
Материал из Wikipedia.
Аҧсны апарламент аспикер Нугзар Ашәба Ҭырқәтәылатәи аҧсуа диаспора ахаҭарнакцәа дырҧылеит. Аиҧылара иалахәын авице-спикер Альберт Овсепиан, адепутатцәа Гарик Саманба, Беслан Быҭәба, Эмма Гамсаниа-ҧҳа, Раџьи Аҩӡба, Виачеслав Цыгәба. 18-ҩык злу аделегациа Аҧсны аҧсшьаразы иааны иҟоуп. Аҿар ареспублика иалсны ирбоит, рыжәлантәқәа ирҧылоит, аҭагылазаашьа иазҿлымҳауп. Урҭ ирылоуп ажәлақәа Ашәба, Иашба, Саӡба, Амаршьан, Ашьхаруа, Мамаҭ-иҧа, Ашәхәаҵаа, уб. иҵ. Аспикер ирзеиҭеиҳәеит Аҧсны ахьыҧшымразы иалнахыз амҩа шамыҧсахуа, иара убас иҳәеит Аҧсны аҭаара еиуеиҧшым атәылақәа рҿы инхо аҧсуа диаспора ахаҭарнакцәеи урҭ Аҧсны инхо рџьынџь-уааи рконтакт азы аҵак ду шамоу 21.07.06 Аҧсныпресс