Аҧсны жәларбжьаратәи Аџьар ҟаҧшь ацхыраара анаҭоит хабарда ибжьаӡыз рыҧшаараҿы
Материал из Wikipedia.
Аҧсны Ахада Сергеи Багаҧшь ахәашаҽны Аҧсны иҟоу Аџьар ҟаҧшь жәларбжьаратәи ахеилак амиссиа ахада Зарван Раниеро
Овсиа даниҧылоз иҳәеит, Аҳәынҭқарра амчрақәа хабарда ибжьаӡыз рыҧшааразы апрограмма анагӡараҿы ганрацәала
ацхыраара аҟаҵара ишазыхиоу.
Аиҧылараан Зарвн Раниеро Овсма иазгәеиҭеит, ҩымчыбжьа раҧхьа Аџьар Ҟаҧшь амиссиа аҧсуа гани акырҭуа гани рыхьӡала
амеморандум шаанашьҭыз.Уа иаҳәон харада ибжьаӡыз рыҧшаара апоблема иамоу агәыҳалалратә азинтә ҵаҵҕәы атәы.
Амиссиа ахада иажәақәа рыла апрограмма агагӡаразы шьаҿақәак ҟаҵоуп, аха аусура аангылеит аҟнытә амчрақәа рыдгылара
азҵаарақәа жәпакы лассы рыӡбара алыршахоит.Харада иҩжьаӡыз рыҧшаара апограмма инақәыршәаны Аџьар ҟаҧшь хықәкыс
иамоуп ауаажәларра алархәны асеминари ”астол гьежьи” рымҩаҧгара – амеморандум аҵакы амчрақәа рхаҭарнакцәа
реилазаара рҟынӡа анагара.
Зарвн Раниеро Овсиан игәаанагарала, қәҿиарала аусуразы харада ибжьаӡыз рыҧшааразы Аҧсны иаҧҵоу акомиссиа астатус
шьҭыхтәуп (уажәы акомиссиа Аҧсны Аминистрцәа реилазаара анапаҵаҟа иҟоуп-аред. азгә.), Аҧсны Жәлар Реизара иалшоит
уи аусура азинтә шьаҭа аҭара.
Аҧсны Ахада дақәшаҳаҭхеит акомиссиа астатус ашьҭыхра, уи адагьа иалахәу рхыҧхьаӡара ацҵара аҭахны ибоит. Харада
ибжьаӡыз рыҧшаара аанызкыло аполитикатә ҭагылаазашьа ауп ҳәа иҧхьаӡоит Аҧсны Ахада. ”Кәыдрытәи аҩхааҿы иҟалаз
иеиҧшу аҭагылазаашьа анцәырҵуа аиҿцәажәарақәа зегьы , аганқәа реимадарақәагьы аанкылахоит, аха харада ибжьпӡыз
рыҧшаара гәыҳалалратә акциоуп, уи аполитика адҳәалара сара сақәшаҳаҭым. Сара сганахьала апрограмма анагӡараҿы
ацхырраара шәыҭара сазхиоуп”,-иҳәеит Аҧсны Ахада.
Харада ибжьазыз рыҧшааразы акомисссиа аҧҵан Аҧсны 1992-1993- шықәсқәа рызтәи Аџьынџьтәылатәи еибашьра анаанҵәа.
Раҧхьа уи Аҧсны Ахада Иусбарҭа анапаҵаҟа иҟан, ашьҭахь Аминистрцәа Реилазаара анапаҵаҟа ииаган.
13/10/2006 18:25 АҦСНЫ, АҞӘА