Авикипедиа abwiki https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%98%D1%85%D0%B0%D0%B4%D0%BE%D1%83_%D0%B0%D0%B4%D0%B0%D2%9F%D1%8C%D0%B0 MediaWiki 1.47.0-wmf.12 first-letter Амедиа Цастәи Ахцәажәара Алахәыла Алахәыла ахцәажәара Авикипедиа Авикипедиа ахцәажәара Афаил Афаил ахцәажәара Амедиавики Амедиавики ахцәажәара Ашаблон Ашаблон ахцәажәара Ацхыраара Ацхыраара ахцәажәара Акатегориа Акатегориа ахцәажәара TimedText TimedText talk Амодуль Амодуль ахцәажәара Event Event talk Микеланџьело 0 4528 170639 169122 2026-07-27T14:26:58Z Nart17 17397 Акарточка: аиҭагаҩ илҳәоу аҵакқәа ab-параметрқәа рахь ииаган (ru-параметрқәа ашаблон идикыломызт); Викидырра аҟынтәи аурыс текст ацәыхьчоуп. 170639 wikitext text/x-wiki {{Аҵакырацәара|Микеланџьело|Микеланџьело (аҵакы)}} {{Акарточка артист | ахьӡ = Микеланџьело Буонарроти | афото = Miguel Ángel, por Daniele da Volterra (detalle).jpg | ахҵара = [[Даниэле да Вольтерра|Даниеле да Вольтерра]]. Микеланџьело ипортреҭ. Адеталь. 1545ш инарзынаԥшуа. Амҿы, ахәша. Метрополитен амузеи, Ниу-Иорк | аира аҭыԥ = [[Капрезе-Микеланджело|Акапрезе]], [[Тоскана]], [[Флорентийская республика|Флоренциатәи ареспублика]] | аԥсра аҭыԥ = [[Рим]], [[Лацио]], [[Папская область|Апапацәа ртәылаҿацә]] | атәылауаҩра = [[Флорентийская республика|Флоренциатәи Ареспублика]], [[Папская область|Апапацәа ртәылаҿацә]] | Азанааҭ = [[художник|Асахьаҭыхҩы]], [[архитектор]], [[скульптор|аскульптор]], [[поэт|апоет]], [[генеральный подрядчик|аподриадҟаҵаҩ хада]] | амеценат = [[Лоренцо Великолепный|Лоренцо Иблахкыгоу]], [[Юлий II|Иули II]], [[Лев X|Лео X]], [[Павел III]] | аԥсра зыхҟьаз = | аԥсыжра аҭыԥ = | анхарҭа = | амилаҭра = | алма-матер = | аусураҭаҩ = | арҿиара дуқәа = | инырит = | анашьамҭақәа = | амазара = | апартиа = | адин = | аԥҳәыс = | ахаҵа = | ацынхаҩы = | ахәыҷқәа = | абызшәақәа = | амаҵура = | аcаит = }} '''Микеланџьело Буонарроти''', мамзаргьы '''Микеланьоло, Микеланџьело'''<ref>{{Книга|автор=[[Дживелегов, Алексей Карпович|Дживелегов А. К.]]|заглавие=Микельанджело|издание=2-е изд|место=М.|издательство=Молодая гвардия|год=1957|страниц=255|серия=Жизнь замечательных людей}}</ref>; ахьӡ наӡаны '''Микеланџьело ди Лодовико ди Леонардо ди Буонарроти Симони''' (аиталиан бызшәала Michelangelo di Lodovico di Leonardo di Buonarroti Simoni; [[Хәажәкырамза 6|Хәажәкырамза 6]], [[1475]]ш, [[Капрезе-Микеланджело|Капрезе]], [[Флорентийская республика|Флоренциатәи ареспублика]] — [[Жәабранмза 18|жәабранмза 18]], [[1564]]ш, [[Рим]]){{Аиасра|био}} — [[изобразительное искусство Италии|италиатәи]] [[Скульптура|аскульптор]], [[Живопись|асахьаҭыхҩы]], [[архитектор]]{{Аиасра|работы}}, ахәыцҩы{{Аиасра|мыслитель}}. [[Высокое Возрождение|Иреиҳау Аиҭарҿиареи]]{{Аиасра|оценки}} раԥхьатәи [[барокко|абароккои]] раамҭақәа ирыҵаркуа иреиҳаӡоу аҟазацәа дыруаӡәкын, «Римтәи [[Архитектура барокко|абарокко архитектура]] аб» ҳәа иара иоуп ирыԥхьаӡо<ref>{{Книга|автор=Вёльфлин Г.|заглавие=Ренессанс и барокко|год=2004|место=СПб.|издательство=Азбука-классика|страницы=245}}</ref>. Уи иусумҭақәа иара иԥсы анҭазгьы Аиҭарҿиара аамҭазтәи аҟазара иреиҳаӡоу еихьӡарақәаны иԥхьаӡан<ref name="brit">{{cite web|url=http://www.britannica.com/EBchecked/topic/379957/Michelangelo/|title=Michelangelo|work=Encyclopædia Britannica|lang=en|access-date=2012-01-18|archive-url=https://www.webcitation.org/6HWgDvbw5?url=http://www.britannica.com/EBchecked/topic/379957/Michelangelo/|archive-date=2013-06-20|url-status=live}}</ref><ref>Wallace, 2011, с. 5.</ref>. Микеланџьело ԥшьынҩажәи жәба шықәса инарзынаԥшуа иниҵит — епоха дук, Иреиҳау Аиҭарҿиара аамҭа инаркны [[Контрреформация|Аконтрреформациа]] аҟазара ахыҵхырҭақәа рҟынӡа. Ари апериод аҩнуҵҟа жәахаҩык [[Список римских пап и антипап|Римтәи апапацәа]] рҽырыԥсахит- урҭ рҟынтә жәҩык рзаказқәа наигӡеит. Иԥсҭазаареи иусуреи ирызку адокументқәа рацәаны еиқәханы иҟоуп — ихааныз ауаа рышаҳаҭрақәа, Микеланџьело ихаҭа исалам шәҟәқәа, аиқәшаҳаҭрақәа, ихатәи изанааҭтәи анҵамҭақәа. Микеланџьело иара убас Мраҭашәаратәи Европа аҟазара раԥхьаӡатәи ахаҭарнак ҳәа дыԥхьаӡоуп<ref name="brit" />. “Иусумҭақәа зегьы — игениалтәу ахаҭара змоу аҟаза индивидуалтә сахьаркыратә стиль иаҿырԥштәқәоуп. Ари Италиа Иреиҳау Аиҭарҿиара аамҭа иазҷыдоу цәырҵроуп. Иара аҟазара аҭоурых аҿы раԥхьаӡатәи ҟазоуп, аҩызцәеи игәаанагара еицеиюызшоз ауааи имаӡамкәа, аҿыханҵатә ҟазараҿы изышьццылахьаз, иаабац агәаанагарақәа рыԥсахра зҽазызшәаз”<ref>Власов, 1997, с. 54.</ref>. Микеланџьело раԥхьатәи иофициалтә биограф [[Вазари, Джорджо|Џьорџьо Вазари]], иналукааша иҩымҭа “[[Жизнеописания наиболее знаменитых живописцев, ваятелей и зодчих|Еицырдыруа асахьаҭыхҩцәеи, арыԥшьшьаҩцәеи, аргылаҩцәеи рыԥсҭазаара ахцәажәара]] ” аҟны Микеланџьело даликаауан, “дгениуп, далхуп... адгьылтә феномен акәымкәа, жәҩантәи феноменуп” ҳәа изиҳәон. Вазари излеиҳәоз ала, Микеланџьело «еиԥшу мҩак аҿы еидкыланы иҟаз азынџьырқәеи ашьамҭлаҳәқәеи ԥиҵәеит», ахәҭакахьала еицырдыруа «Давид» иҳаҭәара «ҳаамҭазтәии ажәытәӡатәии, абырзенцәеи римтәии рҳаҭәарақәа зегьы рыхьӡ-рыԥша рымнахит»<ref>Вазари, 1970, с. 312.</ref>. “Иҟазараҿы Микеланџьело ииашаҵәҟьаны Флоренциатәны даанхеит, Џьоттои Мазаччиои зыԥсахаз ашьҭрамадаҩны. Иусумҭақәа рҿы Флоренциатәи ашкол асахьаркыратә стиль акульминациа аҟынӡа инеигеит, аха уи аамҭазынгьы иара ахы мап ацәнакуашәа иҟан”<ref>Власов, 1997, с. 54.</ref>. Одним из самых впечатляющих произведений художника является роспись [[Потолок Сикстинской капеллы|потолка Сикстинской капеллы]] в [[Ватикан]]е. [[Гете, Иоӷанн Вольфганг фон|И. В. фон Гёте]] писал: «Не увидев Сикстинской капеллы, трудно составить себе наглядное представление о том, что может сделать один человек»<ref>''«…Ohne die Sixtinische Kapelle gesehen zu haben, kann man sich keinen anschauenden Begriff machen, was ein Mensch vermag»'' ({{книга|автор =Dorothea Scholl. |заглавие =Von den «Grottesken» zum Grotesken: die Konstituierung einer Poetik des Grotesken in der italienischen Renaissance |ссылка =https://books.google.com.ua/books?id=UPAmrjmGDhsC&dq=goethe+michelangelo&source=gbs_navlinks_s |издательство =LIT Verlag Münster |год =2004 |страниц =768 |страница =363 }}){{In lang|de}}</ref><ref>{{cite web|url=http://www.wisdomportal.com/Enlightenment/Goethe.html|title=Johann Wolfgang von Goethe, Italian Journey (1786-1788), August 23, 1787|lang=en|access-date=2012-01-18|archive-url=https://www.webcitation.org/6HWgFp60Q?url=http://www.wisdomportal.com/Enlightenment/Goethe.html|archive-date=2013-06-20|url-status=dead}}</ref>. Среди его архитектурных свершений — проект перестройки [[Собор Святого Петра|собора Святого Петра]] в Риме и его величественного купола, лестница [[Библиотека Лауренциана|библиотеки Лауренциана]] во Флоренции, римская площадь Кампидольо (Капитолия). Еиҳа еицырдыруа искульптуратә усумҭақәа иреиуоуп [[Давид (Микеланджело)|Давид]] ибаҟа, [[Бахус (Микеланджело)|Бахус]] ибаҟа, раԥхьатәи «[[Пьета (Микеланджело)|Ватикантәи Пиета]]» [[Пьета|Пиета]] атемала иҟаҵаз уи ашьҭахьтәиқәа [[шедевр|ашедеврқәа]] (Қьырса иҵәыуара), насгьы [[Гробница Юлия II|Апапа Иули II иҳаҭгәын]] азы [[Моисей (Микеланджело)|Моисеи]] «[[Рабы Микеланджело|Атәцәеи]]» рбаҟақәа. Асахьаҭыхыҩ ду ирҿиамҭаҿы ихадароу ауаҩы ихаҭа иоуп, иара иусқәа, ифырхаҵарақәа. Микеланџьело ауаҩы ицәеижь аформақәа нцәахәҵас дырзыҟан, иԥсыи итемперамент ӷәӷәӷеи рыхҭынҵаны аус иуан<ref>Власов, 1997, с. 55.</ref>. {{Ацитата алагара}} Микеланџьело иҟазаратә индивидуалраҿы Леонардо диеиԥшымызт... Уи апеизажи апортреҭи мап рцәикуан. Ҵыхәаԥҵәара змам аҵабырг еиуеиԥшым, ацәаныррақәеи ахәыцрақәеи рбеиара зегьы иара ауаҩытәыҩсатә фигурала иааирԥшуан, насгьы иара мацара аҟны... Микеланџьело идунеи атитанцәа дуқәа рдунеи акәын, ҳәаа змам ауаҩы иҟазаратә лшарақәа аазырԥуаз, иқәԥара афырхаҵаратә пафос, игәаҟрақәа рытрагедиатә ҵаулара зныԥшуаз. Иара иархитектуратә хаҿқәагьы, рдинамикеи, рформақәа рыҩныҵҟатәи аиҿагылареи, аскульптуратә пластикала иҭәуп, уи азы иара дымшәаӡакәа аклассикатә тектоника азакәанқәа еилеигон». <ref>Гращенков, 1966, с. 166.</ref>{{Ацитата алгара}} == Ирҿиара аетап хадақәа == [[Файл:Atto di nascita Michelangelo.jpg|thumb|right|200px|<center>Микеланџьело иира ашәҟәы акопиа</center>]] === ихәыҷра ашықәсқәа === {{Anchor|Анысымҩа}}Микеланџьело диит [[Хәажәкырамза 6|хәажәкырамза 6]], [[1475|1475]] шықәсазы [[Капрезе-Микеланджело|Капрезе]], [[Тоскана]], [[Ареццо]] аҩадахьы, иӷарыз Флоренциатәи аамсҭа Лодовико Буонарроти<ref name="chaskor">{{Cite web |url=http://www.chaskor.ru/article/istoriya_davida_-_ot_florentsii_do_moskvy__27067 |title=История Давида – от Флоренции до Москвы |access-date=2022-06-02 |archive-date=2022-06-02 |archive-url=https://web.archive.org/web/20220602033158/http://www.chaskor.ru/article/istoriya_davida_-_ot_florentsii_do_moskvy__27067 |url-status=live }}</ref> иҭаацәараҿы (аиталиан бызшәала Lodovico (Ludovico di Leonardo Buonarroti Simoni) (1444–1534шш), иара уи аамҭазы 169-тәи [[подеста|аподестас]] дыҟан<ref>Tolnay, 1943, с. 11.</ref>. Абиԥарақәак рыҩныҵҟа Буонарроти-Симони рҭаацәара ахаҭарнакцәа [[Флоренция|Флоренциа]] абанкирцәа маҷқәа иреиуан, аха Лодовико ибанк афинансттә ҭагылазаашьа ахьчара илымшеит, убри аҟынтә зны-зынла аҳәынҭқарратә маҵзураҭыԥқәа ааникылон<ref name="brit"/><ref>Брион, 2002, с. 6.</ref>. Идыруп, Лодовико иаристократиатә хылҵшьҭра дшазыгәдууз, избан акәзар Буонарроти-Симони рҭаацәареи амаркграфиниа [[Матильда Тосканская|Матильда Каноссатәии]] шьала-дала еизааигәан ҳәа рҳәон, аха уи шьақәзырӷәӷәоз адокументтә дырра-арақәа ҳә акагьы ыҟамызт. Иҵаҩы [[Кондиви, Асканио|Асканио Кондиви]] Микеланџьело ихаҭа уи агәра игон ҳәа азгәеиҭон, иашьа иԥа Леонардо иахь ииҩуаз асалам шәҟәқәа рҿы иҭаацәара раристократиатә хылҵшьҭра атәы игәалаиршәалон<ref>Condivi, 1999, с. 5.</ref>. Уильиам Уоллес иҩуан<ref>WilliamE. Wallace,''[https://www.amazon.com/Michelangelo-Artist-Man-his-Times/dp/0521111994 Michelangelo: The Artist, the Man, and his Times] {{Асаит архивтәра|url=https://web.archive.org/web/20161027192435/https://www.amazon.com/Michelangelo-Artist-Man-his-Times/dp/0521111994 |date=2016-10-27 }}'', Cambridge University Press{{In lang|en}}</ref>: {{Ацитата алагара}}"Микеланџьело иаԥхьа, даара имаҷҩын абас еиԥш иҟоу ахылҵшьҭра ҳамоуп ҳәа зҳәоз аҟазацәа. Асахьаҭыхҩцәа агербқәа рымацара ракәымкәа, ажәлақәаҵәҟьагьы рымамызт. Урҭ раб, рзанааҭ, ма рықалақь рыхьӡқәа рырҭон, урҭ рыбжьара иҟан Микеланџьело иаамҭазы инхоз еицырдыруаз [[Леонардо да Винчи]], [[Джорджоне|Џьорџьоне]]."{{Ацитата алгара}} [[Каза Буонарроти|Каса Буонарроти]] имузеи ([[Флоренция|Флоренциа]]) аҿы иҵәаху Лодовико иҩымҭақәа инарықәыршәаны, Микеланџьело диит "(...) ашәахьа шьыжьымҭан, ишарԥазхаанӡа 4 ма 5 сааҭ раԥхьа." Ари ашәҟәынҵаҿы иара убасгьы иарбоуп хәажәкыра 8 рзы Сан Џьованни –ди- Капрезе ауахәамаҿы дшырнаҭыз, насгьы дызнаҭыз рхьӡқәагьы<ref>Wallace, 2011, с. 63.</ref>. {| class="wikitable collapsible collapsed" !colspan="3"|Микеланџьело дызнаҭыз |- ! Ихьӡ урысшәала !! Италиа бызшәала ихьӡ !! Азгәаҭа |- | Дон Даниелло ди Сер Буонагуида || ''Don Daniello di Ser Buonaguida'' || Флоренциантә, Сан Џьованни аухәама апап |- | Дон Андреа ди... || ''Don Andrea di …''*|| Поппинтә, Диччиано аберҭыԥ аҟынтәи апап (италиан бызшәала: Диччиано) |- | Џьованни ди Наури || ''Giovanni di Naurii'' || Капрезентә |- | Иакопо ди Франческо|| ''Jacopo di Francesco'' || Казурионтә (италиан бызшәала: Казурио)** |- | Марко ди Џьорџьо || ''Marco di Giorgio'' || Капрезентә |- | Џьованни ди Биаџьо || ''Giovanni di Biaggio'' || Капрезентә |- | Андреа ди Биаџьо || ''Andrea di Biaggio'' || Капрезентә |- | Франческо ди Иакопо дель Андуино || ''Francesco di Jacopo del Anduino''** || Капрезентә |- | Сер Бартоломео ди Санти дель Лансе || ''Ser Bartolomeo di Santi del Lanse''** || Анотариус |- !colspan="3"|* <small>''Идырым''</small> ** <small>''иаԥ хьаас и                          ҳамоу''</small> |- |} Микеланџьело ахаангьы иан Франческа ди Нери дель Миниато ди Сиена лыӡбахә иҳәаӡомызт, лара заа аҭаацәара далалеит, насгьы лара лассы-лассы лцәа лтәымқәа дахьыҟалоз азы лгәабзиара уашәшәырахан, Микеланџьело фышықәса анихыҵуаз лыԥсҭазаара далҵит, иашьеи иаби иареи ирыбжьаз асалам шәҟәқәа рҿы зныкгьы иан лыӡбахә имҳәацызт<ref name="cc">{{книга|автор =Charles Clément. |заглавие =Michelangelo |издательство =S. Low, Marston, Searle, & Rivington, ltd. |год =1892 | страниц=5 |ссылка=https://books.google.com.ua/books/about/Michelangelo.html?id=G-sDAAAAYAAJ&redir_esc=y|язык=en}}</ref><ref>Брион, 2002, с. 9.</ref>. Лодовико Буонарроти дбеиамызт, имаз амазара маҷ аҟынтәи иоуаз ахашәала ихәыҷы рацәа рныҟәгаразы аарла изхон. Уи азы, Микеланџьело ааӡаҩ ԥҳәыс длиҭар акәхеит, Сеттиниано зыхьӡыз ақыҭан инхоз «скарпелино» иԥҳәыс. Уаҟа, хаҵеи-ԥҳәыси Тополино ирааӡаз ахәыҷы аԥхьареи аҩреи иҵаанӡа анышәаԥшь аус адулареи ахҵәага ахархәареи иҵеит. Ишыҟазаалакгьы, Микеланџьело ихаҭа аамҭақәак рышьҭахь иҩыза, инысымҩа зҩуаз [[Вазари, Джорджо|Џьорџьио Вазари]] абас иеиҳәон: {{Ацитата алагара}}“Сбаҩхатәраҿы бзиарак ыҟазар, уи зыбзоурахаз сахьиз аретинатәи шәыдгьыл аҳауа ауп, насгьы абаҟақәа злаҟасҵо аԥҟагақәеи ажьаҳәеи сзааӡаз лыхш иалысхит” ҳәа.<ref>Вазари, 1970, с. 298.</ref><ref>Tolnay, 1943, с. 11.</ref>{{Ацитата алгара}} [[Файл:Michelangelo Buonarroti - Codex Vallardi 2491 r.jpg|thumb|right|170px|{{center|Амҵәыжәҩақәа змоу агәылшьап зықәгылоу ашлем зхаз аибашьҩы ихы. Ақьаад, акалам, ачернила. Лувр, Париж}}]] Микеланџьело Лодовико аҩбатәи иԥа иакәын. Фриц Ерпели иашьцәа аниз ашықәсқәа азгәеиҭеит: Лионардо (италиан бызшәала: Lionardo) — 1473 ш, Буонаррото (италиан бызшәала: Buonarroto) — 1477ш, Џьовансимоне (италиан бызшәала: Giovansimone) - 1479 ш иара убас Џьизмондо (италиан бызшәала: Gismondo) — 1481ш. Иан дыԥсит 1485 шықәсазы, иԥҳәыс лыԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь ԥшьышықәса анҵы, Лодовико аҩынтәраан аҭаацәара далалеит. Микеланџьело ианԥса Лукрециа Убальдини лакәхеит<ref>Роллан, 1992, с. 91.</ref>. Иаарласны Микеланџьело Флоренциа иҟаз Франческо Галатеа да Урбино (италиан бызшәала: Франческо Галатеа да Урбино) ишкол ахь ддәықәырҵеит, аха арԥыс аҵаразы гәацԥыҳәара дук ааирԥшӡомызт: иара еиҳа еиӷьишьон асахьаҭыхҩцәа рыҿцәажәара, аиконақәеи афрескақәеи рықәҭыхра<ref>Condivi, 1999, с. 9.</ref>. === Иҿара. Раԥхьатәи аусумҭақәа === [[Файл:Studio romanelli, da Emilio zocchi, michelangelo giovane scolpisce la testa di fauno 04.jpg|thumb|right|170px|Чезаре   Ӡокки. Микеланџьело қәыԥш [[Голова Фавна|афавн ахы]] ҭаԥиҟоит, ақәҭыхра, аоригинал ыӡхьеит.]] [[Файл:Museo Conforti, Ponton di Sant'Ambrogio di Valpolicella. Tondo Pitti 1.jpg|thumb|200px|справа|Тондо Питти. 1503-1505 шықәсқәа рзы. Амармалташь. Барџьелло, Флоренциа]] [[Файл:Michelangelo's Pietà, St Peter's Basilica (1498–99).jpg|thumb|200px|left|Пиета. 1499ш. Амармалташь. Аԥшьа Пиотр иныхабаа, Ватикан]] [[Файл:'David' by Michelangelo Fir JBU002.jpg|thumb|200px|left|Давид. 1501-1504 шықәсқәа рзы. Амармалташь. Академиа агалериа, Флоренциа]] [[Файл:Michelangelo, ignudo 17.jpg|thumb|200px|left|Иниудо. Сикстинтәи акапелла аплафон аҿы иҭыху аҭӡынҵа ахәҭаҷ. 1511ш]] 1488 шықәсазы аб иԥа игәазыҳәарақәа дрықәшаҳаҭхан, асахьаҭыхҩы [[Доменико Гирландайо|Доменико Гирландаио]] иҟазарҭа ҵаҩыс даиҭеит<ref>Вазари, 1970, с. 299.</ref>. Абраҟа Микеланџьело иоуит асахьаҭыхра ихадоу амаҭәарқәеи атехникеи рҵаразы алшара; [[Джотто ди Бондоне|Џьотто]], [[Мазаччо]] реиԥш иҟоу Флоренциатәи асахьаҭыхҩцәа русумҭақәа карандашьла иҟаиҵаз иақәҭыхымҭақәа уи аамҭа иаҵанакуеит; абарҭ акопиақәа рҿы Микеланџьело изы иҟазшьарбагоу аформақәа рскульптуратә ԥшра ааԥшит<ref>{{cite web|url=http://www.mikelangelo.ru/txt/1skulptor.shtml|title=Скульптура — светоч живописи|lang=ru|access-date=2012-01-20|archive-url=https://web.archive.org/web/20130911231941/http://www.mikelangelo.ru/txt/1skulptor.shtml|archive-date=2013-09-11|url-status=live}}</ref>. Иара иҭыхымҭа «[[Мучения святого Антония|Аԥшьа Антони игәаҟрақәа]]» ([[Шонгауэр, Мартин|Мартин Шонгауер]] иҭыхымҭа шьаҭас иҟаҵаны) уи аамҭа иаҵанакуеит. Микеланџьело Гирландаио иҟазарҭаҿы шықәсык аҵара иҵон. Шықәсык ашьҭахь, Микеланџьело [[Сан-Марко (Флоренция)|Сан-Марко]] абаҳчақәа рҿы иҟаз [[Бертольдо ди Джованни|Бертольдо ди Џьованни]] исахьаҭыхратә школ ахь диасит, уи еиҿикааит [[Медичи, Лоренцо|Зеиԥш ыҟам Лоренцо Медичи]], уи Микеланџьело қәыԥш илаз аҟыбаҩ ибеит. 1490 шықәса инаркны 1492 шықәса рҟынӡа Микеланџьело [[Медичи]] иаҳҭынраҿы дыҟан, [[Палаццо Медичи-Риккарди|Медичи ипалаццо]] аҿы дынхон<ref>Микеланджело. Поэзия. Письма. Суждения современников, 1983, с. 6.</ref>. Платон иакадемиа иаҵанакуаз афилософцәеи иареи еибадырит ([[Фичино, Марсилио|Марсилио Фичино]], [[Полициано, Анджело|Анџьело Полициано]], [[Пико делла Мирандола, Джованни|Пико делла Мирандола]]). Диҩызахеит [[Лев X|Џьованни]] (Лоренцо аҩбатәи иԥа, аԥхьаҟа Апапа Лев X) иара убас [[Климент VII|Џьулио Медичи]] ([[Джулиано Медичи]] изакәантәым иԥа, ахьаҟатәи Апапа Климент VII<ref>Wallace, 2011, с. 30.</ref>). Иҟалап, абри аамҭазы, жәибжь шықәса раҟара анихыҵуаз, заатәи иусумҭақәа аԥиҵазар: ''[[Мадонна у лестницы|Мадонна амардуанаҿ]]'', ''[[Битва кентавров|Акентаврқәа реибашьра]]''. Медичи данԥсы [[1492|1492]] шықәсазы, Микеланџьело иҩныҟа дхынҳәит. 1494-1495 шықәсқәа рзы Микеланџьело [[Болонья|Болоние]] дынхон, Аԥшьа Доминик ахыргьагьазы аскульптурақәа ҟаиҵон. Болоние иара ибеит [[Никколо дель Арка|Никколо делль 'Арка]] итерракотатә скульптурақәа, "[[Оплакивание Христа (Никколо дель Арка)|Қьырса иҵәыуара]]" агәыԥ иаҵанакуаз, насгьы, иҟалап, урҭ рыдраматәи рекспрессивтәи ҟазшьақәа гәникылазар. Иҟалап, Болониетәи ицәаныррақәа аныԥшзар [[Пьета (Микеланджело)|Ватикантәи Пиета]]ҿы Қьырса ихы-иҿи инапқәеи раарԥшраҿгьы. 1495 ш азы, Доминикантәи ақьырсианра аларҵәаҩ [[Джироламо Савонарола]] напхгара ахьыҟаиҵоз Флоренциаҟа дхынҳәит, иаԥиҵеит аскульптурақәа «Аԥшьа Иоанн», «[[Спящий Амур (Микеланджело)|Ицәо Купидон]]». 1496 шықәсазы акардинал [[Рафаэль Риарио|Рафаель Риарио]] Микеланџьело иҟаиҵаз амармалташьтә Купидон ааихәеит, насгьы аҟаза [[Рим]]ҟа дааиԥхьеит, уахь Микеланџьело рашәарамза 25 рзы дцеит. 1496-1501 шықәсқәа рзы иара [[Бахус (Микеланджело)|Бахус]] искульптуреи [[Пьета (Микеланджело)|Ватикантәи Пиете]] аԥиҵеит. Ари аҟаза заатәи, иналукааша иусумҭақәа иреиуоуп. [[Пьета|Пиета]] ҟаиҵеит аскульптор 24 шықәса анихыҵуаз 1499 шықәсазы. Азаказ изҭази иареи ирыбжьаз аиқәышаҳаҭра аусурақәа рхырқәшаразы шықәсык акәын инаҭоз. Микеланџьело амаҭәахәқәа ралхра даара дацклаԥшуан, убри аҟынтә жәымзы [[Каррара]] дыҟан, инаало [[Каррарский мрамор|амармалташь]] аблок алхны Римҟа иааигарц азы. Ари аусумҭа ахазынара авторра азҵаара аимак-аиҿак цәырнагеит, нас аҟаза ԥагьа Анцәа Иан лгәы иахганы игаз амаҟаҿы алаҭын бызшәала аҩыра ҭаԥиҟеит: “MICHEL.AGELVS BONAROTVS FLORENT.FACIEBAT” (Флоренциатәи Микеланџьело Буонарроти инаигӡеит) ҳәа<ref> Балдини У. Микеланджело-скульптор. Полное собрание скульптур. — М.: Планета, 1979. — С. 79 </ref>. Иахьазы ари ашедевр [[Ватикан]] иҟоу [[Собор Святого Петра|Аԥшьа Пиотр иныхабаа]] аҟны хазы игоу акапеллаҿы иҵәахуп. [[1501|1501]]ш. азы Микеланџьело ҩаԥхьа Флоренциаҟа дхынҳәит, Пикколомини аныҳәарҭеи [[Давид (Микеланджело)|Давид]] ибаҟеи рзы аскульптурақәа ҟаиҵеит. [[Рашәарамза 8|Рашәарамза 8]], [[1504|1504]] шықәсазы [[Флоренция|Флоренциа]] ақалақь [[Площадь Синьории|Пиацца делла Синьориа]] ашҭаҿы ажәлар рҿаԥхьа иқәдыргылаз аформа мацара акәӡамызт узыршанхоз, иџьашьатәын абиблиатә фырхаҵа дҟьантазӡа даазырԥшыз асахьаҭыхҩы қәыԥш игәаӷьра. Уи ақалақь ауааԥсыра раӷьырак иргәамԥхеит, аха егьа ус иҟазаргьы, усҟан ареспублика аӷацәа ирҿагылаз Флоренциаа ргәадура иахаҿсахьаны иҟалеит. [[1503|1503]] шықәсазы «Жәаҩаюык ацҳаражәҳәаҩцәа» аԥҵан, [[Санта-Мария-дель-Фьоре|Санта –Мариа- дель Фиоре]] аныхабаа азы «Аԥшьа Матфеи» аус адулара далагеит. 1503-1506 шықәсқәа рзы Микеланџьело х-[[тондо]]к аԥиҵеит (игьежу аформатала ихҭыху асахьақәа): “[[Мадонна Дони]]” ҳәа изышьҭоу, насгьы арелиефтә тондоқәа “[[Тондо Таддеи|Таддеи Мадоннеи]]”, “[[Тондо Питти|Питти Мадоннеи]]”. 1498-1501 шықәсқәа рыбжьара Микеланџьело даҽа скульптуратә [[шедевр|шедевркгьы]] аԥиҵеит: «[[Мадонна Брюгге|Мадонна Бриугге]]». [[1504|1504]] шықәсазы аҟаза [[палаццо Веккьо|палаццо Веккио]] иҟоу хәышәҩык рхеилак азал азы “[[Битва при Кашине (Микеланджело)|Кашинтәи аибашьра]]” ҳәа изышьҭоу афреска аԥҵаразы азаказ иоуит, уи синьориа аӡбарала [[Леонардо да Винчи]] диацлабны иҭихыр акәын. === Иҭәымҭа === [[1505|1505]] шықәсазы Микеланџьело [[Рим]]ҟа диԥхьеит Апапа [[Юлий II|Иули II]]. Наӡаӡатәи ақалақь аҿы Микеланџьело зегьы ддыршанхеит: [[Колизей|Колизеи]] амҽхак, [[Пантеон (Рим)|апантеон]] аҳаракыра, [[Римский форум|римтәи афорумқәа]]. Иаанханы иҟоуп ажәытәӡатәи архитектура, агәашәқәа, аколоннақәа, акапителқәа, аҳамԥқәа, рыхәҭаҷқәа ртәы зну исахьақәа ркопиақәа 280<ref>Власов, 1997, с. 54.</ref>. Апапа Иули зеиԥшыҟам хәыцрак изцәырҵит: ақьырсиантә дунеи аныҳәарҭа хада, [[Собор Святого Петра|Аԥшьа Пиотр иныхабаа]] агәҭаны [[мавзолей|имавзолеи]] ду аргылара: Микеланџьело дҵас ииҭеит ибаҟа апроект аус адиуларц — иуадаҩу архитектуратә еиҿкаара, аҩныҵҟа акапелла змоу, жәабала аскультурақәа рыла ирԥшӡоу<ref> Переписка Микель-Анджело Буонарроти и жизнь мастера, написанная его учеником Асканио Кондиви. — СПб.: Шиповник, 1914 </ref>. Ас еиԥш иҟоу зеиԥшыҟам апроект азы амармалташь алхразы [[Каррара]] аа-мзы дыҟан. Агәымшәара змаз аҟаза игәы иақәшәон аргылара дуқәа рыҟаҵара; урҭ рҿы иара зеиԥшыҟам ихатәы идеиақәа рынагӡаразы алшарақәа ибон. 1505 инаркны 1545 шықәса рҟынӡа, уи аҳаҭгәын аус идиулон, уи азы еишьҭагылаз хә-версиак еиқәиршәеит, иналукааша Моисеи искульптура аԥиҵеит, ҩыџьа атәцәа рбаҟақәа ҟаиҵеит. Аҵыхәтәаны, апапа ари апроект ахь аинтерес ицәыӡит. Уи агәҭак ҿыц изцәырҵит — Аԥшьа Пиотр иныхабаа аиҭашьақәыргылара иҭаххеит, Микеланџьело иусурақәа рыхәԥса ашәара мап ацәикит, аахәаҩи аҟазеи еисит, аусурагьы хыркәшамкәа иаанхеит. Заҳаҭыр ладырҟәыз аҟаза зегь ааныжьны, Римынтә Флоренциаҟа дыбналеит<ref>Гращенков, 1966, с. 168.</ref>. Римтәи апапеи иареи реинышәара ҟалеит [[Болонья|Болоние]] 1506 шықәсазы, абҵарамза мзазы. Микеланџьело апапа иџьазтә ҳаҭәара аҟаҵара дҵас ииҭеит, уи 1507 шықәсазы уи аус адиулон (ԥыҭрак ашьҭахь иара ықәыргеит). Жәабран мза, 1508 ашықәсазы Микеланџьело ҩаԥхьа Флоренциаҟа дхынҳәит. Лаҵарамзазы, апапа идҵала, еиҭа Римҟа дхынҳәит, азаказ ҿыц анагӡаразы. 1508 инаркны 1512 шықәса рҟынӡа аҟаза Ватикан [[Сикстинская капелла|Сикстинтәи акапелла]] аплафон аҿы «аскульптуратә фигура дуӡӡақәа» ҭихуан. Акапелла аҩныҵҟа шыҭбаамызгьы, иара аҭуан аҟны ихьыԥшым аԥҵамҭа ҟаиҵеит, алшара ду змаз аахәаҩ ииҭахызи амонументалтә сахьаҭыхра аҭахрақәеи ирықәымшәоз. Асахьаҭыхҩы афантастикатә, хақәиҭрала иҟаҵаз, аҭуан аҿы «иԥыруа» иҭыхыз, афигура дуқәа зныз архитектуратә каркас, ауаҩы идоуҳа амч дуқәа аҳра ахьыруаз ихыҭхәыцаау адунеи ахь ииаигеит. Афреска хәҭа рацәалатәи композициак, адунеи аншаз инаркны аӡхыҵра ду аныҟала аҿынӡа ауаатәыҩса рҭоурых аанарԥшуеит, иара хышә инареиҳаны ахаҿсахьақәа ануп<ref>Власов, 1997, с. 56.</ref>. [[1513|1513]] рзы Микеланџьело зыжәҩахыр дыҵакны дызмаз, Апапа Иули II иԥсҭазаара далҵит. Флоренциатәи Џьованни Медичи иакәхеит Римтәи апапа ҿыц [[Лев X|Лео X]] ҳәа иҟарҵаз. Микеланџьело аиқәшаҳаҭра ҿыц инапы аҵаиҩит Иули II иҳаҭгәын аус адулара ацҵаразы. Аха мзызқәак ирыхҟьаны, апроект ду хыркәшамхеит. Асканио Кондиви иажәақәа рыла, ҩынюажәа шықәса инеиуаз ари «аҳаҭгәын атрагедиа» «Микеланџьело иԥсҭазаара азгьы итрагедианы иҟалеит»<ref>Гращенков, 1966, с. 169.</ref>. [[Файл:Michelangelo Buonarroti tomb.JPG|thumb|Микеланџьело Буонарроти инышәынҭра ахаҳә Флоренциа Санта-Кроче ауахәама аҿы. 1570ш. Џьорџьо Вазари иҟаиҵаз Микеланџьело ипроекти ибаҟеи]] [[1514|1514]] шықәса ԥхынгәымзазы Микеланџьело ҩаԥхьа [[Флоренция|Флоренциа]]ҟа дхынҳәит. Медичи [[Базилика Сан-Лоренцо (Флоренция)|Сан-Лоренцотәи]] рҭаацәаратә уахәама аԥхьатәи аган аԥҵаразы адҵа иоуит. [[1516]]-[[1519|1519]] шықәсқәа рыбжьара Сан-Лоренцо ауахәама азы амармалташь аиуразы [[Каррара|Каррареи]] [[Пьетрасанта|Пиетрасантеи]] рышҟа акырынтә дцеит. Аха ари аусгьы рыцҳарала ихыркәшахеит. 1520 шықәсазы аԥара ахьыҟамыз иахырҟьаны апапа идҵала аусқәа зегьы иаалырҟьан иаанкылан. Мызқәак рышьҭахь, аҟаза даҽа заказк иоуит: ари ауахәамаҿы Медичи рҭаацәаратә ԥсыжырҭа ҿыц иргылар акәын. Уи ҳаамҭазы [[капелла Медичи|Медичи ркапелла]] ҳәа иашьҭоуп. Иара убас Сан-Лоренцо абазилика иадыз [[Библиотека Лауренциана|Лауренцианатәи абиблиотека]] апроект ҟаиҵон, иагьиргылон. 1527 шықәсазы Медичи Флоренциа даналырца, абарҭ аусурқәа аанкылан: гәыла апатриот, ареспубликанец Микеланџьело ажәлар реиҿкаара далалеит, [[Сан-Миньято|Сан-Миниато]], [[Пиза]], [[Ливорно]], [[Феррара]] рырӷәӷәарҭақәа рхылаԥшҩы хадас дҟаҵан, аха иусура ааныжьны [[Уанаҿа|Венециа]]ҟа дцеит, уантә [[Франциа|Франциа]]ҟа дцарц азы, аха дааиԥхьхәыцаан иқалақь гәакьахь дхынҳәит, уи [[Осада Флоренции|аимпериатә арқәхәҭақәа анақәлоз]] аамҭазы акыр дацхрааит. Флоренциа аилыбгара аҟаза ашәарҭара ду изаанагон, аха уи иҟазара ахь ирымаз аҳаҭыри, Апапа [[Климент VII]] Медичи ркапелла ахыркәшаразы имаз агәазыҳәареи роуп деиқәзырхаз. 1534 шықәсазы Флоренциа наӡаӡа иааныжьны Римҟа дцеит<ref>Гращенков, 1966, с. 170.</ref>. 1534-1541 шықәсқәа рзы, Сикстинтәи акапеллаҿы, аҟаза ихиркәшеит драмала иҭәыз «[[Страшный суд (Микеланджело)|Аҵыхәтәантәи аӡбара]]» захьӡыз афреска ду, иара убас Ватикан [[Капелла Паолина|Паолинатәи акапелла]] аҟны асахьақәа ҭихит (1542-1550шш). 1546 ш азы [[Сангалло, Антонио да (младший)|Антонио да Сангалло]] данԥсы ашьҭахь, Микеланџьело Рим архитектор хадас дҟалеит. Микеланџьело иархитектуратә усумҭақәа рыԥшӡареи рыссирреи рыла удыршанхоит — [[Капитолий (холм)|Акапитолиатәи ашҭа аансамбль]], Рим игылоу [[Собор св. Петра|Ватикантәи аныхабаа]] апсида, акупол. [[1546|1546]] азы, Апапа Павел III изы, иара ихиркәшеит [[Палаццо Фарнезе]] (афасад хада аҩбатәи аихагыла, агәараҭа аганахьала афасад ахԥатәи аихагыла, акорниз) насгьы акапитолиа ашҭа апроект ҟаиҵеит; апроект аԥсҭазаара аларҵәаразы акыр аамҭа аус руан, аха аҟаза иԥсы ахьынӡаҭаз уи хыркәшамхеит. Аха, ҳәарада, зегь реиҳа ихадоу адҵа, иԥсы ҭанаҵы изгәакьаз Флоренциаҟа ихынҳәраҿы иԥырхагаз, Микеланџьело Аԥшьа Пиотр иныхабаа архитектор хадас иҟаҵара акәхеит. Римтәи Апапа абас игәра шигоз аниба, Микеланџьело агәазыҳәара бзиа ааирԥшырц азы аусԥҟаҿы иазгәарҭарц иҭаххеит,аргыларақәа рҿы аус ахьиуа Анцәа иахь имоу абзиабара ишабзоуроу, насгьы иус ахәԥса шимго атәы. === Иԥсреи анышә иамадареи === Микеланџьело иԥсҭазаара далҵит [[Жәабранмза 18|жәабранмза 18]], [[1564|1564]] шықәсазы Рим, 89 шықәса анихыҵуаз. Микеланџьело иԥсра мышқәак шагыз, иашьа иԥа Леонардо Римҟа дааит, уи жәабранмза 15 рзы Микеланџьело иҟаиҵаз аҳәарала Федерико Донати асаламшәҟәы изиҩит<ref>Роллан, 1992, с. 195.</ref>. Иԥсра шаҳаҭцәас иаман [[Томмазо деи Кавальери|Томмазо деи Кавалиери]], [[Даниеле да Вольтерра]], Диомеде Леоне, аҳақьымцәа Федерико Донати, Герардо Фиделиссими, иара убас имаҵуҩы Антонио Францезе<ref>Роллан, 1992, с. 196.</ref>. Дыԥсаанӡа аԥхьа, иара ишиҟазшьаз еиԥш иаазыркьаҿны ауасиаҭ аанижьит: «Сыԥсы Анцәа исҭоит, сцәеижь адгьыл, смал сҭынхацәа»<ref>Вазари, 1970, с. 402.</ref>. Апапа [[Пий IV|Пии IV]] иҭахын Микеланџьело Рим анышә дамаидарц, Аԥшьа Пиотр иныхабаа аҿы аҳаҭгәын ргыланы<ref>{{cite web|url=http://www.mikelangelo.ru/txt/24end.shtml|title=«Последний день жизни, первый день покоя!» (18 февраля 1564)|access-date=2012-01-22|lang=ru|archive-url=https://web.archive.org/web/20131006175224/http://www.mikelangelo.ru/txt/24end.shtml|archive-date=2013-10-06|url-status=live}}</ref>. Жәабранмза 20, 1564 шықәсазы Микеланџьело иԥсыбаҩ аамҭала [[Санти-Апостоли|Санти- Апостоли]] абазиликаҿы ишьҭан. Хәажәкырамза алагамҭазы аскульптор иԥсыбаҩ маӡала Флоренциаҟа ииаргеит, 1564 шықәса ԥхынгәымза 14 азы [[Макиавелли, Никколо|Макиавелли]] иҳаҭгәын азааигәара, [[Санта-Кроче (Флоренция)|Санта-Крочетәи]] аухәама аҿы пату ду иқәҵаны анышә дамардеит<ref>Вазари, 1970, с. 419.</ref><ref>Эрпель, 1990, с. 15.</ref>. == Аҭеиҭыԥш == [[Файл:Michelangelo engrave.jpg|thumb|right|150px|<center>Микеланџьело ипортреҭ зну агравиура 1545ш. иҵаҩы Асканио Кондиви ииҩыз ашәҟәы «Микеланџьело Буонарроти иҩымҭақәеи Аҟаза иԥсҭазаареи» аҟынтә. — Санкт-Петербург: Шиповник, 1914ш. </center>]] [[Файл:DSC02316 Daniele Da Volterra - Ritratto di Michelangelo (1564) - Foto Giovanni Dall'Orto, 6-jan-2006.jpg|thumb|left|150px|<center>[[Даниеле да Вольтерра]]. Микеланџьело ибиуст. Аҟаза даныԥсы ихырхыз амаска ала иҟаҵоуп. 1564ш. Аџьаз. Кастелло Сфорцеско, Милан<small></small></center>]] Микеланџьело иаанимыжьӡеит документла иарбоу хатәы портреҭк, аха, аҵарауаа рыҭҵаарақәа рыла, иусумҭақәа рҟны иҟазар алшоит аҟаза ихаҿсахьақәа, урҭ рыбжьара — «[[Святой Прокл|Аԥшьа Прокл Болониатәи]]», Олоферн ихы «Иудифи Олоферни» афрескаҿы Сикстинтәи акапелла аҭуан аҟны, Аԥшьа Варфоломеи ихырхыз ацәа иану ахаҿы («[[Страшный суд (Микеланджело)|Аҵыхәтәантәи аӡбара]]» афреска), «Пиета II» аҿы иҟоу Аԥшьа Никодим<ref>{{cite web|url=http://www.michelangelomodels.com/m_portraits.html|title=What did Michelangelo Looked like?|lang=en|access-date=2012-02-04|archive-url=https://www.webcitation.org/6HWgji4aD?url=http://www.michelangelomodels.com/m_portraits.html|archive-date=2013-06-20|url-status=live}}</ref>. Иҟоуп Микеланџьело ипортреҭқәак, урҭ рҟны — [[Себастьяно дель Пьомбо|Себастиано дель Пиомбо]] иусумҭақәа (1520ш раҟара), [[Буджардини, Джулиано|Џьулиано Буџьардини]], [[Конте, Якопино дель|Иакопино дель Конте]] (1544-1545, [[Уффици|Уффици агалереиа]]), [[Венусти, Марчелло|Марчелло Венусти]] (капитолиа иҟоу амузеи), Франциско д'Оланда (1538-1539), [[Бонасоне, Джулио|Џьулио Бонасоне]] (1546) уҳәа егьырҭгьы. Иара ихаҿсахьа иҵаҩы Асканио Кондиви игәалашәарақәа рышәҟәы аҿгьы иааԥшуеит, икьыԥхьын 1553 шықәсазы, 1561ш азы [[Леони, Леоне|Леоне Леони]] аскульптор исахьа зну амонета ҭижьит<ref>{{cite web|url=http://www.britishmuseum.org/explore/highlights/highlight_image.aspx?image=ps364193.jpg&retpage=22634|title=Lead medal of Michelangelo, by Leone Leoni|work=The British Museum|lang=en|access-date=2012-02-04|archive-url=https://www.webcitation.org/6HWgii2DC?url=http://www.britishmuseum.org/explore/highlights/highlight_image.aspx?image=ps364193.jpg|archive-date=2013-06-20|url-status=dead}}</ref>. Микеланџьело иҭеиҭыԥш даналацәажәоз, [[Роллан, Ромен|Ромен Роллан]] шьаҭас иалихит Контеи д’Олланди рпортреҭқәа<ref>Роллан, 1992, с. 87—88.</ref>: “Микеланџьело ибжьаратәыз аура иман, ижәҩахырқәа ҭбаан, ицәеижь ӷәӷәан (...). Ихы гьежьын, илахь аԥшьганкгьы еиҟаран, акыҷырақәа рыла иҭаԥыҟҟаны иҟан. Ихцәы еиқәаҵәан, иҳәуан. Илақәа ҟәазмызт, аҩабжьа ԥшшәы рыман, аха рыԥшшәы рыԥсахуан, иԥынҵа иашан, агәҭа маҷк иалкьыкьын, иԥышәқәа ҵаӷан, ҵаҟатәи еиҳа еиҳан. Афавн ижакьа еиԥшын ижакьа хәыҷ, иӡамҩақәа ҭашәашәан. Аҭоурыхтә сахьақәа реиҳарак рҿы аскульптор ду иԥынҵа ҟьаҟьа зегьы рылаԥш иҵашәоит. Џьорџьио Вазарии Бенвенуто Челлинии еиҭарҳәаз аҭоурых ала (еиуеиԥшым аверсиақәа), Микеланџьело иԥынҵа ҭаԥҵәеит [[Торриджано, Пьетро|Пиетро Торриџьанои]] иареи реибапҟараан<ref>Вазари Дж. Жизнеописание Торриджано, флорентийского скульптора // Жизнеописания наиболее знаменитых живописцев, ваятелей и зодчих [https://litresp.ru/chitat/ru/%D0%92/vazari-dzhordzho/zhizneopisaniya-naibolee-znamenitih-zhivopiscev-vayatelej-i-zodchih/95] {{Асаит архивтәра|url=https://web.archive.org/web/20240502150447/https://litresp.ru/chitat/ru/%D0%92/vazari-dzhordzho/zhizneopisaniya-naibolee-znamenitih-zhivopiscev-vayatelej-i-zodchih/95 |date=2024-05-02 }}</ref>. Иара убасгьы иҟоуп агәаанагара, Микеланџьело [[Рафаэль Санти|Рафаель]] иҭыхымҭа "[[Афинская школа|Афинатәи ашкол]]" аҿы даарԥшуп<ref>{{cite web|url=http://www.thelancet.com/journals/lancet/article/PIIS0140-6736%2899%2909070-4/fulltext|title=Michelangelo's gout in a fresco by Raphael|author=Carlos Hugo Espinel|date=1999-12-18|publisher=The Lancet|work=Volume 354, Issue 9196|pages=2149—2151|lang=en|doi=10.1016/S0140-6736(99)09070-4|access-date=2012-02-04|archive-url=https://www.webcitation.org/6HWgks9GN?url=http://www.thelancet.com/journals/lancet/article/PIIS0140-6736(99)09070-4/fulltext|archive-date=2013-06-20|url-status=live| issn=0140-6736}}</ref> ҳәа, аха ари аҵыхәтәанынӡа еилкаам<ref>{{cite web|url=http://www.thelancet.com/journals/lancet/article/PIIS0140-6736%2805%2972230-3/fulltext|title=Michelangelo's gouty knee|author=Wolfgang Kuehn|date=2000-03-25|publisher=The Lancet|work=Volume 355, Issue 9209|page=1104|lang=en|doi=10.1016/S0140-6736(05)72230-3|access-date=2012-02-04|archive-url=https://www.webcitation.org/6HWgm9Y8G?url=http://www.thelancet.com/journals/lancet/article/PIIS0140-6736(05)72230-3/fulltext|archive-date=2013-06-20|url-status=live}}</ref>. Микеланџьело данԥсы ашьҭахь, [[Даниеле да Вольтерра]] аскульптор имаскеи ибаҟеи ҟаиҵеит<ref>Роллан, 1992, с. 87—88.</ref>. == Ирҿиаратә метод == {{Anchor|Аусумҭақәа}}Микеланџьело игени Аиҭарҿиара аамҭа аҟазараҿы мацара акәӡам анырра ахьыҟанаҵаз, уи адунеизегьтәи акультура аҿгьы ашьҭа ааннажьит. XVI ашәышықәсазы Џь. Вазари аҟаза изкны гәацԥыҳәарала иҩуан: {{Ацитата алагара}}Иара иҟазара аҩаӡара рымам ажәытәтәиқәагьы иахьатәиқәагьы аҟазацәа. Иара имаз аидеиақәа рызхәыцреи, рызнеишьеи даара иҳаракын, ауаҩы инапала урҭ рыҟаҵара залшомызт, убри аҟынтә лассы-лассы иаԥҵамҭақәа хмыркәшаӡакәа иаанижьуан, уи моу зынӡагьы иқәихуан. Убас, иԥсра аламҭалазы инапала иҟаиҵаз инагӡамыз асахьақәа рацәаны иблит, иџьабаа атәы аӡәгьы имбартә азы,игени шԥишәоз амҩақәа рзеилымкаарц азы.<ref>Вазари, 1970, с. 296.</ref>{{Ацитата алгара}} Микеланџьело иҟазаратә усура еиҳарак Италиатәи ақалақьқәа ҩба ирыдҳәалоуп: Флоренциеи Рими. Аха, иара иҭынха џьашьахәуп, игенигьы парадоксалтәуп. Иҭыхымҭақәа рҿы, ари аҟаза ахаангьы [[пейзаж|апеизажқәеи]] [[портрет|апортреҭқәеи]] ааирԥшӡомызт, егьырҭ ишыҟарҵоз еиԥш. Вазари иазгәеиҭон, Микеланџьело апортреҭқәа рзы азаказқәа идикыломызт, избанзар урҭ рҿы «инаӡоу аԥшӡара аарԥшра алшомызт». Иара дзызҿлымҳаз аформа мацара акәын: иҭихуан афигурақәа, ахқәа, ацәеижьқәа, хазы-хазы анапқәеи ашьапқәеи. Микеланџьело асахьаҭыхраҿи, аҿыханҵаҿи, архитектураҿи еснагь скульптор мацараны дыҟан, убри алагьы Флоренциатәи ашкол асахьаҭыхҩцәа зегьы рҟазшьа ҷыдақәа абсолиут аҟынӡа ишьҭихуан:. [[Беренсон, Бернард|Бернард Беренсон]], анемец -австриатәи ашкол атеоретикцәа дырхьыԥшны, уи аҟазшьа «аформа анырратә ҵакы» ҳәа ахьӡиҵеит<ref>Власов, 1997, с. 54.</ref>. “Микеланџьело ажәытәӡатәи авторцәа дрыԥхьон,ахәҭакахьала ажәытәӡатәи аколоссқәа ртәы (ҷыдала, Витруви архитектор [[Дейнократ|Деинократ]] изку иажәабжь), зны, А. Кондиви ишазгәеиҭоз ала, Каррара ашьха ақәцә дахәаԥшуа, ари фигура дуӡӡак алхзар шԥабзиахоз ҳәа иҳәеит. Микеланџьело ауаҩы илшара аҳәаақәа дырҭыҵырц азы иҽԥишәон. Иара хықәкыла еиҳа иуадаҩу аганқәеи афигурақәа рҽыԥсахшьеи дрышьҭан адоуҳа аметафтизика аартразы... Иусумҭақәа иаадырԥшуеит асахьаҭыхратә антропоморфизм иреиҳаӡоу аҩаӡара, уи ашьаҭа ажәытәӡатәи аамҭазы иҳан, иара убасҟангьы уи мап ацәыркуан. Ари аарԥшышьа змам акы ауп...”<ref>Власов, 1997, с. 54—55.</ref> Микеланџьело раԥхьаӡа акәны ажәытәӡатәи аамҭазы ишыҟаз еиԥш, идеалтәу аформаеи, абжьаратәи ашәышықәсақәа рзы иҟаз адоуҳатә еилаҩашьареи реидкылара хымԥада иҭаххеит. Иара [[Дворжак, Макс|Макс Дворжак]] иеилкаара ихы иархәаны, «аԥсыи аматериеи рыбжьара иҟоу аиҿагылара» аарԥшра иҽазишәеит. Аҟаза ари атема иаразнак изымԥшааит; уи раԥхьатәи иусумҭақәа рҿы иаарԥшымызт. «Ажәытәӡатәи аамҭа ацәеижьтә идеали Иреиҳау Аиҭарҿиара аамҭазы иҟаз ақьырсиантә ҟазара ҿыц адоуҳатә пафоси ирыбжьоу аҟазаратә еиҿагылара Сикстинтәи аплафон аҟны инагӡаны иааирԥшит»<ref>Власов, 1997, с. 55.</ref>. Исахьаркыратә хәыцшьала дшыскульпторызгьы, Микеланџьело 1508-1512 шықәсазы Апапа Иули II изаказала Ватикан [[Сикстинская капелла|Сикстинтәи акапелла]] аплафон аҟны «атитантә аскульптуратә фигурақәа» рсахьақәа ҭихит. Адунеи аҿы аналогқәа змам ари аусумҭаҿы Микеланџьело Анцәа иҿагылара иазааигәаз игәымшәаратә идеиа наигӡеит: аҟазара аԥҵаҩы ихаҭа иацлабра алшоит, уи иҟаҵәҟьо акәымкәа, имԥсуа ауниверсалтә формахь анеиразы аҽазнашәалар ауп, насгьы адунеи аԥҵараҿы Анцәа иацлаблароуп. Акапелла аҩныҵҟа шдыумызгьы, иара аҭуан зынӡа ихьыԥшым аԥҵамҭаны иҟаиҵеит, амч ду змоу аахәаҩ иҭахрақәеи амонументалтә сахьаҭыхра аҭахрақәеи ирықәымшәо. Асахьаҭыхҩы афантастикатә, хақәиҭрала «иԥыруа» афигура дуқәа зну архитектуратә каркас, иԥсахит ауаҩытәыҩсатә доуҳа амч аҳра ахьауа ихыҭхәыцаау адунеи ала. Убас ала, Иҳараку Аиҭарҿиара аҟазара акырӡа ԥхьаҟа днахеит, иаамҭа аԥхьаҟа инаскьаган иргылеит<ref>Власов, 1997, с. 56.</ref>. "Микеланџьело иҟазара Аиҭарҿиара алагамҭеи, аизҳареи, аҵыхәтәеи аанарԥшит"<ref>Власов, 1997, с. 60.</ref>. “Ари аҟаза иааирԥшит Аиҭарҿиара аҵакы иаша... акультура аҵакы ирӷәӷәеит, уи атенденциақәеи аиқәымшәарақәеи алогикатә хыркәшараҟынӡа инаигеит... Леонардои Рафаели дызлареиԥшмыз, иара дызхылҵыз ахәыцшьа астиль иԥсахит, уи аҳәаақәа дырҭыҵит. Иара ишәышықәса иаҩихит, уи моу Аиҭарҿиара ахаҭагьы»<ref> Баткин Л. М. Об истоках трагического в Высоком Возрождении // Микеланджело и его время. Сборник статей. — М.: Искусство, 1978. — С. 142—143</ref>. 1509 шықәсазы (Иҳараку Аиҭарҿиара анышәҭуаз аамҭазы) Микеланџьело Сикстинтәи аҭуан маҷк «иааиртит», абнақәа рыхәҭак ықәганы.Абри атәы анраҳа, «Рим ауааԥсыра зегьы акапеллахь инеит» ҳәа, [[Грабарь, Игорь Эммануилович|И. Е. Грабар]] иҩуан, иҟалап, маҷк иахирҟьацәазаргьы, «зегьы еилыркааит хьаас ирымаз, ргәы иҭаҵәахыз... насгьы астиль ҿыц — Абарокко — аԥҵан»<ref> Грабарь И. Э. Барокко // О русской архитектуре. — М.: Наука, 1969. — С. 315 </ref>.Џь. Вазари, ажәа «Барокко» макьана ишизымдыруазгьы, уи астиль «иџьашьахәу, иҳамбац, иҿыцу» ҳәа ахьӡиҵеит. Микеланџьело, ихатә стиль амчреи аекспрессиеи рыла, асахьаҭыхреи акомпозициеи рзы еицырдыруа агәаанагарақәа зегьы иԥсахит<ref> [[Власов, Виктор Георгиевич|Власов В. Г.]] Барокко // Новый энциклопедический словарь изобразительного искусства. В 10 т. — СПб.: Азбука-Классика. — Т. II, 2004. — С. 56 </ref>. Апапа Иули II икардама азы иҟаҵаз Моисеи ибаҟа иазкны М. Дворжак иҩуан: «Абра ҳара иаабо зынӡа иԥсабаратәым,, мамзаргьы итрансценденталтәым,ари адунеи иатәым идеалым: уи ауаҩы илоу анцәа иҟәырҷаха апофеоз ауп, агәаӷь ӷәӷәа акт апофеоз ауп, уи аԥынгылақәа амам,ауаа анырра рынаҭоит, аӷацәа ашьаҟьоит».<ref>Дворжак, 1978, с. 22.</ref> == Идоуҳатә ԥшаара, ипоезиеи ихатә ԥсҭазаареи == [[Файл:Dreamofhumanlife.jpg|thumb|200px|справа|Ауаҩытәыҩса иԥсҭазаара азхәыцрақәа. Ақьаад, италиатәи акарандашь. Курто аҟазаратә институт, Лондон]] [[Файл:Studies for the Libyan Sibyl (recto); Studies for the Libyan Sibyl and a small Sketch for a Seated Figure (verso) MET DP826907.jpg|thumb|200px|left|Ливиатәи Сивилла. Аҽазыҟаҵаратә ҭыхымҭа. 1510 ш. инарзынаԥшуа. Ақьаад, асангина. Метрополитен амузеи, Ниу-Иорк]] [[Файл:Michelangelo, ignudo 18.jpg|thumb|200px|left|Иниудо. 1511ш. Сикстинтәи акапелла аплафон асахьанҵа ахәҭаҷ.]] {{Anchor|Ахәыцҩы}}Еилкаам Микеланџьело изааигәаз ауаҩы диман ҳәа. (Кондиви уи «амонах еиԥш дыԥшьан » ҳәа иԥхьаӡон); исексуалра иазку агәаанагарақәа ипоезиа иадҳәалоуп. Микеланџьело хышә инареиҳаны асонетқәеи амадригалқәеи иҩит. Иҵаулоу [[Романтическая любовь|аромантикатә цәаныррақәа]] аазырԥшуа иусумҭа [[Томмазо деи Кавальери|Томмазо деи Кавалиери]] изкын, уи ҩажәихԥа шықәса ихыҵуан Микеланџьело 1532 шықәсазы данибаз. Усҟан Микеланџьело ихаҭа ихыҵуан ҩынҩажәи быжь шықәса. Ари ацикл, аӡәы даҽаӡәы изикыз, зааӡатәи иусумҭа ду акәхеит; Иара Шекспир иқәыԥшра ссир иазку исонетқәа раасҭа ҩынҩажәижәаба шықәса рыла еиҳабуп: <blockquote> : Схы-сҿы хьшәашәа амца акызшәа збоит : Уи харантә сабылуеит, аҵаа еиԥш иҟоу ахьҭа сызныжьны; : Исныруа амч ҩнапы ԥшӡак ханарҭәаауеит : Имырҵысӡакәа аибакапанрақәа зегьы еиҭанагоит.</blockquote> Кавалиери аҭак ҟаиҵеит: «Аҭоуба ҟасҵоит абзиабара шусҭо. Ахаан сара хаҵак уара уаасҭа бзиа дсымбац, ахаан аӡәы иҩызара абас сеиламҳац» ҳәа. Кавалиери Микеланџьело иԥсы ҭанаҵы дшизааигәаз даанхеит. 1542 ш рзы Микеланџьело Чеккино деи Браччи дибеит, уи шықәсык ашьҭахь иԥсҭазаара далҵит, уи анаҩс Микеланџьело анышәынҭратә епиграммақәа ҩынҩыжҽи ааба иҩит. Микеланџьело ибзиабаратә ажәеинраалақәа рсиужетқәа урҭ зызкыз ламысдарала рхы ианадырхәозгьы ыҟан: иҟазараҿы натурас имаз Фебо ди Поџьио абзиабаратә жәеинраала анизик аҭакс аԥара даҳәеит, натурас имаз даҽаӡәгьы, Герардо Перини, диҵаӷьычит. Иара убасгьы идыруп, аҟаза ду иусумҭақәа рҿы ахаҵа ицәеижь нцәахәык еиԥш дшазнеиуаз, уи апластикеи аԥшӡареи. Зны-зынла ада, аҳәса рсахьа ҭихуамызт. Иазгәаҭатәуп, Сикстинтәи акапелла аҭуан аҿы асивиллақәа раарԥшразы аҽазыҟаҵаратә сахьақәа рҿы Микеланџьело зцәа-зжьы хтыз ахацәа рнатурақәа ихы ишаирхәоз, аҵыхәтәантәи астадиаҿы мацара акәын урҭ «еилаҳәаны» аҳәса рҿаԥшылара анриҭоз<ref> [[Власов, Виктор Георгиевич|Власов В. Г.]] Сикстинская капелла в Ватикане // Новый энциклопедический словарь изобразительного искусства. В 10 т. — СПб.: Азбука-Классика. — Т. III, 2008. — С. 757 </ref>. [[мужской гомоэротизм|Ахацәа ргомоеротика]] ҳәа изышьҭоу аҟаза дуӡӡа анаҩстәи ибиографиеи ирҿиара аилкаареи аҿы агәыҩбара цәырнагон. Микеланџьело иашьа иԥа имаҭа Микеланџьело Буонарроти аиҵбы 1623 шықәсазы аҟаза иажәеинраалақәа, урҭ зызкыз ахацәа рхаҿқәа аҳәса рахь ииаганы иҭижьит. Џьон Аддингтон Симондс урҭ 1893 шықәсазы англыз бызшәахьы ианиеиҭеига ашьҭахь ауп, ахацәа ишрызкыз анеиҭашьақәдыргылаз. Иахьатәи аамҭазы, аҵарауаа шьоукы, ахаҿытә хьыӡцынхәрақәа шеиҭашьақәдыргылазгьы, ажәеинраалақәа "адоуҳатә диалог ажанр рымоуп, уаҟа аеротикатә поезиа ицқьоу ацәаныррақәа аанарԥшуеит " ҳәа рыԥхьаӡоит<ref> Поэзия Микеланджело в переводе А. М. Эфроса. — Москва- Берлин: Директ-Медиа, 2015 </ref>. Иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи аамҭазы Микеланџьело апоетесса, аԥҳәыс еиба, амаркиза [[Колонна, Виттория|Витториа Колонна]] лахь [[Платоническая любовь|адоуҳатә ҟазшьа змаз абзиабара]] иман. Дара 1537 шықәсазы Рим еибадырит, усҟан лара ҩынҩажәи быжьба шықәса лхыҵуан Витториа ҽыԥныҳәа лымамызт, лхымҩаԥгашьеи лдинхаҵареи рыла дылыркаауан. Дара рҩыџьа асонетқәа рыбжьан, лара лыԥсҭазаара далҵаанӡагьы аимадара дырӡуамызт. Арҭ асонетқәа реиҳарак урҭ рҩыџьагьы зызҳәыцуаз адоуҳатә зҵаарақәа ракәын изызкыз. Кондиви игәалаиршәоит Микеланџьело ииҳәаз. Уи иажәақәа рыла, иԥсҭазаараҿы даара дахьхәны дыҟан аԥҳәыс еиба лхаҿы, лнапы шикыз еиԥш, иахьгәыдимкылаз. Апоетесса хынҩажәа шықәса зхыҵуаз Микеланџьело иҩызара ду даԥсахеит. Лара заҵәык лакәхеит аҳәса рҟынтә Микеланџьело ихьӡ зыдҳәалоу. Аҵарауаҩ Нортон иҳәеит “лара лахь ииҩуаз ажәеинраалақәа... зны-зынла Кавалиери қәыԥш изикуаз асонетқәа раиҩдыраара уадаҩуп, иара Микеланџьело ихаҭагьы зны-зынла иажәеинраалақәа ажәлар ирылаирҵәаанӡа ажәа “синиор “ «синиора” ала иԥсахуан”<ref>{{Cite web|url=http://rictornorton.co.uk/michela.htm|title=The Passions of Michelangelo|publisher=rictornorton.co.uk|access-date=2017-09-08|archive-date=2008-10-26|archive-url=https://web.archive.org/web/20081026021843/http://rictornorton.co.uk/michela.htm|url-status=live}}</ref>. Аамҭа анца ашьҭахь, иажәеинраалақәа акьыԥхьрахь инеиаанӡа иашьа иԥа имаҭа ацензура иахижьит. 1541 шықәсазы, лашьа Асканио Колонна Аапа [[Павел III]] дахьиҿагылаз иахҟьаны, Витториа Орвиетои Витербои дцеит. Аха уи асахьаҭыхҩи лареи реизыҟазаашьақәа ирԥырхагамхеит, дара ԥаса еиԥш еибабон, асалам шәҟәқәа рыбжьан. Лара Римҟа дхынҳәит 1544 шықсазы. {{Врезка |Выравнивание = right |Без разрывов = 1 |Заголовок = <center>Асонет No 60</center> |Содержание = <poem> ''Иреиҳау агенигьы хшыҩҵакык изацҵом ''амармалташь ахаҭа иҭаҵәахны иамоу ''убри ауп ҳаргьы ''Ахшыҩ иазыӡыҩруа анапы иаҳнарбо. ''Агәырӷьара сазыԥшума, агәҭынчымра сгәы иақәыӷәӷәома, ''Иҟәыӷоу, адонна бзиа, — бахь ''Зуал сықу, ахьымӡӷгьы хьанҭоуп сара сзы, ''Сара сҟыбаҩ ишшәыхәҭоу еиԥш шәҳаранамкуазар. ''Абзиабара амч акәым, шәыԥшӡара акәым, ''Ма шәыхьшәашәара, ма шәгәыԥжәара, ма шәтәамбара ақәыӷәӷәара ''Срыцҳарақәа дара роуп изхароу, - ''Избанзар, аԥсреи арыцҳашьареи еилалеит ''Шәгәаҿы — аха сгени рыцҳа ''Бзиабарала, аԥсра алхра заҵәык алшоит. </poem> |Подпись = «Микеланџьело» }} Еицырдыруа аҟаза инысымҩа зыҩуаз ишазгәарҭоз ала, “арҭ ҩыџьа ауаа хазынақәа рысалам шәҟәқәа абиографиатә интерес мацара акәмызт ирымаз, дара уи аепоха иаҭоурыхтә баҟаны иаанхеит, насгьы ирониала иҭәу, иҵаулоу ахшыҩҵакқәа реимдара иаҿырԥштәхеит<ref>''Бриллиант С. М.'' [http://michelangelo.ru/5/tezaurus/244/statia_6113.html Микеланджело] {{Асаит архивтәра|url=https://web.archive.org/web/20081019010541/http://michelangelo.ru/5/tezaurus/244/statia_6113.html |date=2008-10-19 }} серия ЖЗЛ</ref>. Аҵарауаа Микеланџьело Витториа илзикуаз асонетқәа рзы ирыҩуан: «Рдоуҳатә еизыҟазаашьақәа Микеланџьело ипоезиа абзиабаратә-философиатә ҟазшьа дырҵаулеит,акристаллизациа аҟынӡа инаргеит. Уи 1530- тәи ашықәсқәа зегьы Микеланџьело идоуҳатә мҩақәҵага лроль назыгӡоз амаркиза лпоезиагьы иааныԥшит. Дара ражәеинраалақәа, «ркорреспонденциа» аамҭак азы ирыцынхоз ауаа азҿлымҳара арҭон; Иҟалап зегь раасҭа еицырдыруаз 60-тәи асонет акәзар, уи иҷыдоу аҵакы арҭон<ref name="стих">{{Cite web|url=http://lib.web-malina.com/getbook.php?bid=3252&page=8|title=Стихи в переводе А.М. Эфроса - Микеланжело Б.|author=|website=|date=|publisher=lib.web-malina.com|access-date=2017-09-08|archive-date=2007-08-19|archive-url=https://web.archive.org/web/20070819225546/http://lib.web-malina.com/getbook.php?bid=3252&page=8|url-status=live}}</ref>; Виктториеи Микеланџьелои реицәажәарақәа акыр аус адуланы, иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь иркьыԥхьыз апортугалтә сахьаҭыхҩы [[Оланда, Франсиско де|Франсиско де Оланда]] ианҵамҭақәа рҿы иаанхеит<ref>''Francisco De Holanda.'' Dialogues with Michelangelo. Pallas Athene, 2006, ISBN 1-84368-015-7</ref>. <gallery class="center" widths="180px" heights="200px"> Brügge-Liebfrauenkirche-Brügger Madonna DSC0229.jpg|[[Мадонна Брюгге|Бриуггетәи Мадонна]]. 1503ш. иназынаԥшуа. Амармалташь. Анцәа иан луахәама, Бриугге, Бельгиа Tondo Doni, por Miguel Ángel.jpg|[[Мадонна Дони|Тондо Дони]] 'Moses' by Michelangelo JBU140.jpg|Моисеи. 1513-1516 шықәсқәа рзы. Амармалташь. [[Сан-Пьетро-ин-Винколи|Сан-Пиетро-ин- Винколи]] ауахәама, Рим Pieta Bandini Opera Duomo Florence n01.jpg|[[Флорентийская Пьета|Флоренциатәи Пиета]]. 1547-1555 шықәсқәа рзы. Амармалташь. Аҟазаратә аԥҵамҭақәа рмузеи, [[Флоренция|Флоренциа]] Michelangelo pietà rondanini.jpg|[[Пьета Ронданини|Пиета Ронданини]]. 1564ш. [[Замок Сфорца|Кастелло Сфорцеско]] имармалташь, [[Милан]] Il tribolo, aurora da michelangelo, 1534-37, 01.jpg|Н. Триболо. Ашьыжь (Аврора). Медичи ркапелла аскульптуразы амоделло. 1534-1537 шықәсқәа рыбжьара. Атеррокота. Барџьелло, Флоренциа </gallery> [[Файл:Микеланджело в своей студии.jpg|thumb|240px|справа|[[Делакруа, Эжен|Е. Делакруа]]. Микеланџьело иҟазарҭаҿы. 1850ш. Ақатәа, ахәша аканвас аҿы. Фабр имузеи, Монпелие]] === Еиҳа еицырдыруа ирҿиамҭақәа === {{main|Микеланџьело иусумҭақәа рсиа}} * '''[[Мадонна у лестницы|Мадонна амардуан аҿы]].''' Амармалташь, [[1491]]ш иназынаԥшуа [[Флоренция|Флоренциа]], [[Каза-Буонарроти|Каза -Буонарроти]]. * '''[[Битва кентавров|Акентаврқәа реибашьра]].''' Амармалташь, 1492 ш. иназынаԥшуа, Флоренциа, Буонарроти имузеи. * '''[[Пьета (Микеланджело)|Пиета]].''' Амармалташь, [[1498]]-[[1499]] шықәсқәа. [[Ватикан]], [[Собор Святого Петра|Аԥшьа Пиотр иныхабаа]]. * '''[[Мадонна Брюгге|Мадоннеи аԥшқеи]].''' Амармалташь, 1501ш иназынаԥшуа, [[Брюгге|Бриугге]], [[Церковь Богоматери (Брюгге)|Нотр-Дам ауахәама]]. * '''[[Давид (Микеланджело)|Давид]].''' Амармалташь, 1501-1504 шықәсқәа, Флоренциа, [[Академия изящных искусств (Флоренция)|Аҟазара лыԥшаах академиа]]. * '''Мадонна Таддеи.''' Амармалташь, [[1502]]-1504шш. инарзынаԥшуа, [[Лондон]], [[королевская академия художеств|Аҟазара акралцәа ракадемиа]]. * '''[[Мадонна Дони]].''' [[1503]]-1504шш. Флоренциа, [[галерея Уффици|Уффици агалереиа]]. * '''[[Тондо Питти|Мадонна Питти]].''' 1504-[[1505]]шш. инарзынаԥшуа, Флоренциа, [[Барджелло|Барџьелло амилаҭтә музеи]]. * '''Матфеи Ацҳаражәҳәаҩ.''' Амармалташь, 1506 ш,Флоренциа, Аҟазара лыԥшаах Академиа. * '''[[Сикстинская капелла|Сикстинтәи акапелла]] аҭуан аҭӡынҵа.''' 1508-1512 шықәсқәа, Ватикан. ** [[Сотворение Адама (фреска)|Адам ишара]] * ''' [[Рабы Микеланджело|Аԥсра иаҿу атәы]].''' Амармалташь, [[1513]] ш инарзынаԥшуа, [[Париж]], [[Лувр]]. * '''[[Моисей (Микеланджело)|Моисеи]].''' [[1515]] ш. инарзынаԥшуа, Рим, [[Сан-Пьетро-ин-Винколи|Сан-Пиетро -ин- Винколи]] ауахәама. * '''Атлант.''' Амармалташь, [[1519]] шықәсазы инаркны 1530-1534шш. инарзынаԥшуа. Флоренциа, Аҟазара лыԥшаах Академиа. * '''[[Капелла Медичи|Медичи ркапелла]]''', [[1520]]-1534 шықәсқәа. * '''Мадонна.''' [[Флоренция|Флоренциа]], [[капелла Медичи|Медичи ркапелла]]. Амармалташь, [[1521]]-1534 шықәсақәа рзы. * [[Библиотека Лауренциана|Лауренциантәи ибиблиотека]]. 1524-[[1534]]шш, [[1549]]-[[1559]] шықәсқәа. Флоренциа. * '''Агерцог Лоренцо икардама.''' Медичи ркапелла, 1524-[[1531]]шықәсқәа, Флоренциа, [[Сан-Лоренцо (Флоренция)|Сан-Лоренцо]] аныхабаа. * ''' Агерцог Џьулиано икардама.''' Медичи ркапелла, [[1526]]-[[1533]] шықәсқәа, Флоренциа, Сан-Лоренцо аныхабаа. * '''[[Скорчившийся мальчик|Зыԥсҭазаара иалҵыз аҷкәын]].''' Амармалташь, [[1530]]-[[1534]] шықәсқәа, Урыстәыла, [[Санкт-Петербург]], [[государственный Эрмитаж|Аҳәынҭқарратә Ермитаж]]. * '''[[Брут (Микеланджело)|Брут]].''' Амармалташь, [[1539]] шықәса ашьҭахь. Флоренциа, амилаҭтә музеи Барџьелло. * '''[[Страшный суд (Микеланджело)|Аҵыхәтәантәи аӡбара]].''' Сикстинтәи акапелла, 1535-[[1541]]шш, Ватикан * '''Иули II икардама.''' [[1542]]-[[1545]]шш. Рим, Сан-Пиетро-ин- Винколи аухәама. * '''[[Флорентийская Пьета|Флоренциатәи Пиета]] (Пиета Бандини, мамзаргьы Пиети Никодими).''' Амармалташь, [[1547]]-[[1555]] шықәсқәа. Флоренциа, [[Опера-дель-Дуомо (Флоренция)|Опера- дель- Дуомо амузеи]]. * '''[[Пьета Палестрины|Пиета Палестрина]].''' 1555 ш инарзынаԥшуа, [[Академия изящных искусств (Флоренция)|Академиа агалереиа]], [[Флоренция|Флоренциа]]. * '''[[Пьета Ронданини|Пиета Ронданини]].''' 1552-1564шш, амармалташь. [[Милан]], [[Замок Сфорца|Кастелло Сфорцеско]].<ref>Последнее, незаконченное скульптурное произведение Микеланджело.</ref> 2007 шықәсазы [[Ватикан]] архивқәа рҿы Микеланџьело аҵыхәтәантәи иусумҭа ԥшаан: Аԥшьа Пиотр иныхабаа [[купол|акупол]] ахәҭаҷқәа руак аҭыхымҭа. Асангина ала инагӡаз "Рим игылоу Аԥшьа Петр иныхабаа акупол аколлонақәа руак ахәҭаҷ» асахьа акәын. Иара еицырдыруа аҟаза аҵыхәтәантәи иусумҭоуп ҳәа иԥхьаӡоуп, 1564 шықәсазы иԥсҭазаара далҵаанӡа иҭихит<ref>{{Cite web |url=http://news.bbc.co.uk/hi/russian/international/newsid_7134000/7134950.stm |title=Найден «последний эскиз» Микеланджело |access-date=2008-10-19 |archive-date=2007-12-13 |archive-url=https://web.archive.org/web/20071213020812/http://news.bbc.co.uk/hi/russian/international/newsid_7134000/7134950.stm |url-status=live }}</ref>. Ари раԥхьатәи хҭысым уаанӡа ирзымдыруаз Микеланџьело иусумҭақәа архивқәеи амузеиқәеи рҿы ианырыԥшааз. Убас, 2002 шықәсазы, Ниу-Иорктәи [[Смитсоновский музей дизайна Купер Хьюитт|Смитсониантәи адизаин амузеи]] аҵәахырҭақәа рҿы, [[Эпоха Возрождения|Аиҭарҿиара аамҭазтәи]] идырым авторцәа русумҭақәа рыбжьара, даҽа ҭыхымҭакгьы рыԥшааит: шәагаала 45х25 см иҟаз ақьаад бӷьыц аҿы, аҟаза иҭихит [[менора|аменора]] — аиудеиаа иртәу бжьы-ҟәшак змоу ацәашьҭаргыларҭа. 2015 шықәса алагамҭазы, иԥшаан раԥхьатәи, иҟалап иара акзаҵәык акәзаргьы, иахьанӡа иаанхаз Микеланџьело иҟаиҵаз аџьазтә скульптура- апантерақәа ирықәтәо ҩыџьа ауаа рыла иаԥҵоу акомпозициа<ref>{{cite web|url=http://www.gazeta.ru/science/2015/02/02_a_6397281.shtml|title=Микеланджело передал привет спустя 500 лет. Найдена единственная не мраморная скульптурная композиция Микеланджело|author=Колпаков, Г.|quote=Учёные сумели даже установить примерную дату создания бронзовой пары — между 1506 и 1508 годами|date=2015-02-02|publisher=Газета. Ру|access-date=2015-02-02|archive-date=2015-02-05|archive-url=https://web.archive.org/web/20150205011925/http://www.gazeta.ru/science/2015/02/02_a_6397281.shtml|url-status=live}}</ref>. === Апоезиатә рҿиара === {{Anchor|Апоет}} [[Файл:Michelangelo painting God.JPG|thumb|right|200px|Микеланџьело исонети иавтошаржи зныз исаламшәҟәы ацыԥҵәаха: аҟаза Сикстинтәи акапелла аҭуан асахьақәа аниҵоит. 1510ш. [[Каза-Буонароти|Каза- Буонароти]], Флоренциа]] [[Файл:Michael Angelo and Vittoria Colonna (Schneider).jpg|thumb|left|<center> Г. Шнайдер. Витториеи Микеланџьелои «[[Моисей (Микеланджело)|Моисеи]]» аскульптура аҿы. 1894 </center>]] Микеланџьело ипоезиа Аиҭарҿиара аепоха акультура аҿырԥштәы лашақәа иреиуоуп ҳәа ԥхьаӡоуп<ref>Wallace, 2011, с. 40—41.</ref>. Иахьа уажәраанӡа еиқәханы иҟоуп хышә инарзынаԥшуа Микеланџьело иажәеинраалақәа. Атема хадақәа- ауаҩы ихьӡ-иԥша азышәаҳәара, агәкаҳара, аҟаза изаҵәра роуп. Аҟаза бзиа ибоз апоетикатә формақәа- амадригал, асонет. [[Роллан, Ромен|Р. Роллан]] излеиҳәо ала, Микеланџьело дшыхәыҷыз ажәеинраалақәа рыҩра далагеит, аха урҭ рахьтә еиқәхаз рацәам, избан акәзар 1518 ш. азы иара заатәи иажәеинраалақәа реиҳарак иблит, анаҩс даҽа хәҭак, иԥсра маҷк шагыз иқәихит<ref>Роллан, 1992, с. 112—113.</ref>. [[Варки, Бенедетто|Бенедетто Варки]], Донато Џьаннотто, Џьорџьо Вазари уҳәа убас егьырҭгьы русумҭақәа рҿы ажәеинраалақәак кьыԥхьын<ref>Роллан, 1992, с. 154—155.</ref>. Луиџьи Риччии Џьанноттои Микеланџьело идыргалеит иреиӷьу иажәеинраалақәа алихразы. 1545 шықәсазы Џьаннотто Микеланџьело иажәеинраалақәа раԥхьатәи реизга аҭыжьразы аҽазыҟаҵарақәа дрылагеит, аха уи аус ҿиартә еиԥш изыҟамлеит- Луиџьи 1546 шықәсазы дыԥсит, Витториа -1547 шықәсазы<ref>Роллан, 1992, с. 154—155.</ref><ref>{{cite web|url=http://www.mcah.columbia.edu/arthumanities/pdfs/arthum_michel_reader.PDF|format=PDF|title=Вибрані поезії Мікеланджело (з коментарем)|access-date=2012-01-22|lang=en|archive-url=https://www.webcitation.org/6HWgYYbaR?url=http://www.mcah.columbia.edu/arthumanities/pdfs/arthum_michel_reader.PDF|archive-date=2013-06-20|url-status=dead}}</ref>. Абасала, автор иԥсы ахьынӡаҭаз, иажәеинраалақәа реизгақәа ҭыҵӡомызт, раԥхьатәи аизга 1623 шықәсазы иашьа иԥа Микеланџьело Буонарроти (аиҵбы) иоуп иҭзыжьыз, «Микеланџьело иажәеинраалақәа, иашьа иԥа еизигаз» ҳәа хыс иаҭаны, «Џьунтина» захьӡыз Флоренциатәи акьыԥхьырҭаҿы<ref>{{cite web|url=https://library.duke.edu/rubenstein/scriptorium/mazzoni/exhibit/treasures/B56.html|title=Rime, Michelangelo Buonarroti (1623)|access-date=2012-01-22|lang=en|archive-url=https://www.webcitation.org/6HWgZCa3y?url=https://library.duke.edu/rubenstein/scriptorium/mazzoni/exhibit/treasures/B56.html|archive-date=2013-06-20|url-status=live}}</ref>. Ари аҭыжьымҭа нагӡамызт, насгьы иашамрақәакгьы аман<ref>Роллан, 1992, с. 112—113.</ref>. 1863 шықәсазы Чезаре Гуасти (италиан бызшәала Chesare Guasti) иҭижьит аҟаза иажәеинраалақәа раԥхьатәи ииашоу реизга, аха уи хронологиала еишьҭагыламызт<ref name="Ryan">The Poetry of Michelangelo: An Introduction, Christopher Ryan (London, 1998). pp. 7-9.</ref>. 1897 шықәсазы анемец ҟазараҭҵааҩ Карл Фреи «Адоктор Карл Фреи еизигаз, ахҳәаа ззиуз Микеланџьело иажәеинраалақәа» захьӡыз аусумҭа ҭижьит.([[Берлин]])<ref>{{cite web|url=https://archive.org/details/diedichtungende01freygoog|title=Die Dichtungen des Michelagniolo Buonarroti Herausgegeben Und mit Kritiscem Apparate Versehen von Dr. Carl Frey|access-date=2012-01-22|lang=de|archive-url=https://www.webcitation.org/6HWgZt18K?url=http://archive.org/details/diedichtungende01freygoog|archive-date=2013-06-20|url-status=live}}</ref>. Ензо Ное Џьирард иҭыжьымҭа (Италиа. Ақ. Бари 1960ш, х-хәҭакны ишьақәгылан, Фреи иҭыжьымҭа аҵкыс акырӡа еиӷьын, ажәеинраалақәа еиҳа еиӷьыз ахронологиала еишьҭагылан<ref name="Ryan" />. Микеланџьело ипоезиатә рҿиара ҭиҵаауан, ахәҭакахьала, анемец шәҟәыҩҩы [[Ланг, Вильгельм|Вильгельм Ланг]]. Уи ари атема ала адиссертациа ихьчеит, аусумҭа акьыԥхь иабеит [[1861|1861]] шықәсазы<ref>{{cite web|url=http://openlibrary.org/works/OL5658966W/Michel_Angelo_Buonarroti_als_Dichter|title=Michel Angelo Buonarroti als Dichter.|author=Lang, Wilhelm.|date=1861|work=|publisher=Mäcken in Stuttgart .|access-date=2012-11-02|lang=de|archive-url=https://www.webcitation.org/6BvTDs7Mc?url=http://openlibrary.org/works/OL5658966W/Michel_Angelo_Buonarroti_als_Dichter|archive-date=2012-11-04|url-status=live}}</ref>. ==== Амузыкаҿы ахархәара ==== Иара иԥсы анҭазгьы иажәеинраалақәа рыхәҭак амузыка алырхит. Микеланџьело иаамҭазы еицырдыруаз акомпозиторцәа дыруаӡәкуп [[Аркадельт, Якоб|Иакоб Аркаделт]] (''«Deh dimm»'' ''Amor se l’alma''" и ''«Io dico che fra voi»'')<ref>[[Си, Альберт|Albert Seay]]. ''Arcadelt and Michelangelo'', Renaissance news vol. 18, 4 (1965) p.299—301{{In lang|en}}</ref>, Бартоломео Тромбончино, Констанца Феста (Микеланџьело иажәеинраалазы иӡыз амадригал)<ref>{{cite web |url=https://books.google.com.ua/books?id=R97JZiFl2P4C&dq=composers+michelangelo+festa&source=gbs_navlinks_s |author=Costanzo Festa |editor=Richard J.&nbsp;Agee |title=Counterpoints on a cantus firmus |publisher=A-R Editions, Inc |year=1997 |page=xi |lang=en |access-date=2012-02-04 |archive-date=2017-10-02 |archive-url=https://web.archive.org/web/20171002215220/https://books.google.com.ua/books?id=R97JZiFl2P4C&dq=composers+michelangelo+festa&source=gbs_navlinks_s |url-status=live }}</ref>, Жан де Конс (уигьы — Консилиум)<ref>{{cite web|url=http://earlymusichicago.org/composers_renaissance_c.htm#Jean%20Conseil|title=Early MusiChicago: Jean Conseil|lang=en|access-date=2012-01-22|archive-url=https://www.webcitation.org/6HWgbkfrm?url=http://earlymusichicago.org/composers_renaissance_c.htm#Jean%20Conseil|archive-date=2013-06-20|url-status=live}}</ref>. Иажәақәа ирылхны амузыка рыҩхьан [[Штраус, Рихард|Рихард Штраус]] (хә-ашәак рыла ишьақәгылоу ацикл — актәи Микеланџьело иажәақәа рыла, егьырҭ -Адольф фон Шак, 1886ш)<ref>{{cite web|url=http://www.classicalarchives.com/work/100925.html#tvf=tracks&tv=about|title=Richard Strauss. 5 Lieder, Op.15, TrV148|author=James Leonard, Rovi|access-date=2012-02-04|lang=en|archive-url=https://www.webcitation.org/6HWgcZTMc?url=http://www.classicalarchives.com/work/100925.html#tvf=tracks&tv=about|archive-date=2013-06-20|url-status=live}}</ref>, [[Вольф, Хуго|Хуго Вольф]] (авокалтә цикл «Микеланџьело иашәақәа», 1897ш)<ref>{{cite web|url=http://journals.uvic.ca/index.php/me/article/view/2265/1493|title=Grasping Toward the Light: A Reassessment of Wolf’s Michelangelo- Lieder|format=PDF|author=Iain Gillis|date=|work=Musicological Explorations. Vol 11 (2010)|lang=en|access-date=2012-02-04|archive-url=https://www.webcitation.org/6HWgdSZhm?url=http://journals.uvic.ca/index.php/me/article/view/2265/1493|archive-date=2013-06-20|url-status=live}}</ref> иара убас [[Бриттен, Бенджамин|Бенџьамин Бриттен]] (ашәақәа рцикл «Микеланџьело исонетқәа быжьба», 1940ш)<ref>{{cite web|url=http://www.classicalarchives.com/work/55868.html#tvf=tracks&tv=about|title=Benjamin Britten. 7 Sonnets of Michelangelo, Op.22 (song cycle)|lang=en|access-date=2012-02-04|archive-url=https://www.webcitation.org/6HWgeW0N7?url=http://www.classicalarchives.com/work/55868.html#tvf=tracks&tv=about|archive-date=2013-06-20|url-status=live}}</ref>. ԥхынгәымза 31, 1974 шықәсазы [[Шостакович, Дмитрий Дмитриевич|Дмитри Шостакович]] абаси афортепианои рзы асиуита иҩит (опус 145). Асиуита шьаҭас иамоуп аҟаза исонетқәа ааба, иажәеинраалақәа хԥа. (Абрам Ефрос еиҭага)<ref>{{cite web|url=http://live.shostakovich.ru/composition/336/|title=Дмитрий Шостакович. Сюита на слова Микеланджело Буонарроти для баса и фортепиано. Перевод А. Эфроса|lang=ru|access-date=2012-02-04|url-status=dead|archive-date=2013-07-02|archive-url=https://web.archive.org/web/20130702200820/http://www.shostakovich.ru/}}</ref>. 2006 шықәсазы, апатын [[Дейвис, Питер Максвелл|Питер Максвелл Деивис]] ихиркәшеит ''«Tondo di Michelangelo»'' (абаритони афортепианои рзы) аусумҭа. Аҩымҭа еиднакылеит Микеланџьело исонетқәа ааба. Апремиера ҟалеит жьҭаарамза 18, 2007 шықәсазы<ref>{{cite web|url=http://www.schott-music.com/shop/Sheet_Music/show,231583.html|title=Sir Peter Maxwell Davies. Tondo di Michelangelo|lang=en|access-date=2012-02-04|archive-url=https://www.webcitation.org/6HWggvFQw?url=http://www.schott-music.com/shop/Sheet_Music/show,231583.html|archive-date=2013-06-20|url-status=live}}</ref> 2010 шықәсазы Австриатәи акомпозитор Метиу Диуи ''«Il tempo passa: music to Michelangelo»'' (абаритон, альт, афортепиано рзы) захьӡыз аусумҭа аԥиҵит. Уаҟа Микеланџьело иажәеинраалақәа англыз бызшәахьы еиҭагоуп. Аусумҭа адунеизегьтәи апремиера мҩаԥысит ажьырныҳәамза 16, 2011 шықәсазы<ref>{{cite web|url=http://www.australianmusiccentre.com.au/product/il-tempo-passa-based-on-the-poetry-of-michelangelo|title=Il tempo passa: based on the poetry of Michelangelo / Matthew Dewey|lang=en|access-date=2012-02-04|archive-url=https://www.webcitation.org/6HWghoMiX?url=http://www.australianmusiccentre.com.au/product/il-tempo-passa-based-on-the-poetry-of-michelangelo|archive-date=2013-06-20|url-status=live}}</ref>. Иналукааша аҟаза имоҭа иԥа- ашәҟәыҩҩы [[Микеланджело Буонарроти Младший|Микеланџьело Буонарроти аиҵбы]] (Микеланџьело иль Џьоване). Микеланџьело ҩажәи фба шықәса рыҩныҵҟа ҵаҩыс имаз, иҩызаз, ицхраауаз иакәын [[Амадори, Франческо|Франческо Амадори да Урбино]], дицхраауан дагьиҵыҩын [[Монторсоли, Джованни-Анджело|Џьованни -Анџьело Монторсоли]]. == Агәаларшәара == '''Асахьаркыратә литератураҿы''' * "[[Бельведерский торс (повесть)|Бельведертәи ахәамц]] " (1936 ш, [[Алданов, Марк Александрович|Марк Алданов]]). * "[[Камень и боль|Ахаҳәи ахьааи]]" (1942ш, [[Шульц, Карел|Карел Шульц]]) * "Агәаҟрақәеи агәырӷьарақәеи" (1961ш, [[Стоун, Ирвинг|Ирвинг Стоун]]) '''Акино аҿы''' * «Микеланџьело иԥсҭазаара» (1964ш. асериал маҷ, Италиа). * [[Аԥсеизгареи аекстази]] (Агәаҟреи аекстази, Еиду Америкатәи Аштатқәа — Британиа, 1965ш) — арежиссиор [[Рид, Кэрол|Керол Рид]]. * Акино "Микеланџьело иааԥынра" (Италиа — Еиду Америкатәи Аштатқәа, 1990ш) — арежиссиор Џьерри Лондон. [[Марк Франкель]] ароль хада наигӡон.. * Ателесериал аҩбатәи асезон "[[Тюдоры (телесериал)|Атиудорцәа]]" (2008ш), Микеланџьело ироль наигӡоит — Джеимс МакХеил. * [[Мацкявичюс, Гедрюс|Г. Мацкиавичиус]] [[Спектакль|испектакль]] “Аиааира” (2010)ш. * [[Документальный фильм|Ад/ф]] "Микеланџьело асупериаҵәа" (анг. Michelangelo Superstar). * Ад/ф «Микеланџьело. Инымҵәаӡо» (италиан бызшәала: Michelangelo — Infinito) (Италиа — Ватикан, 2018ш) — арежиссиор Емануеле Имбуччи. * Акиносахьа "[[Грех (фильм, 2019)|Агәнаҳа]]" (Урыстәыла, 2019ш, арежиссер [[Кончаловский, Андрей Сергеевич|Андреи Кончаловски]]), Микеланџьело ироль наигӡоит — [[Тестоне, Альберто|Альберто Тестоне]]. '''Афилателиаҿы''' * 1964 шықәсазы Асовет Еидгылаҿы [[Почта СССР|аԥошьҭа]] амарка ҭрыжьит: Адунеизегьтәи акультура аусзуҩцәа. Микеланџьело (1475–1564шш), италиатәи аскульптор, асахьаҭыхҩы, архитектор, апоет, ахәыцҩы. Армарахь ала -Флоренциа иҟоу Лауренциантәи абиблиотека аҿаԥхьа аԥсхыхра иаҿу атәы искульптура. Арӷьарахь- Микеланџьело Сикстинтәи акапелла акартон асахьанҵа аус идиулоит. * 1975 ш азы Асовет Еидгыла [[Почта СССР|аԥошьҭаҟны]] Микеланџьело диижьҭеи 500 шықәса аҵра аҳаҭыразы еиуеиԥшым амаркақәа рсериа ҭрыжьит. <gallery> Файл:1975 CPA 4438 Stamp Maxicard.jpg|[[Картмаксимум]] “Микеланџьело. [[Автопортрет|Автопортреҭ]]. [[Лувр]]. [[Париж]]”, [[Союз Советских Социалистических Республик|СССР]], 1975ш ([[Каталог почтовых марок СССР|CFA]] [ [[Марка (акционерное общество)|АО "Марка"]] ] No 4438). [[Гашение первого дня|Актәи амш аԥыхра]]: «Микеланџьело даниз инаркны 500 шықәса ҵит», [[Москва]], [[Почтамт|Аԥошьҭамт]], 27.02.1975 Файл:1975 CPA 4438.jpg|Асовет Еидгыла амарка. Микеланџьело ихатә портреҭ (Лувр, Париж). Асахьаҭыхҩы: Г. Комлев. Файл:1975 CPA 4432-4434 Minisheet with autograph of engraver Mayorova.jpg Файл:1975 CPA 4433.jpg Файл:1975 CPA 4432.jpg Файл:1975 CPA 4434.jpg Файл:1975 CPA 4435-4437 Minisheet.jpg Файл:1975 CPA 4435.jpg Файл:1975 CPA 4436.jpg Файл:1975 CPA 4437.jpg Файл:The Soviet Union 1964 CPA 3027 stamp (World Cultural Figures. Michelangelo (1475-1564), Italian sculptor, painter, architect and poet).jpg|Асовет еидгыла Аԥошьҭа, 1964ш </gallery> '''Анумизматикаҿы''' * 2015 шықәсазы [[Банк России|Урыстәылатәи Абанк]] 25 мааҭ иҟоу араӡын гәаларшәагатә ԥараҿырпы ҭнажьит. <gallery> Файл:Памятная монета Банка России «Сокровищница мировой культуры. Творения Микеланджело Буонарроти».jpg| Урыстәыла агәалашәаратә монета, 2015ш. Микеланџьело Буонарроти иаԥҵамҭақәа. </gallery> == Азгәаҭақәа == {{Reflist|32em}} == Алитература == {{refbegin|2}} '''На русском языке''' * [[Сомов, Андрей Иванович|Сомов А. И.]] Микеланджело Буонарроти // [[Энциклопедический словарь Брокгауза и Ефрона]] : в 86 т. — СПб., 1890—1907. * {{книга|автор =Брион Марсель |заглавие =Микеланджело / Пер.&nbsp;с&nbsp;фр. Г.&nbsp;Г.&nbsp;Карпинского |оригинал ={{lang-fr|Michel-Ange}} |место =М. |издательство =Молодая гвардия |год =2002 |isbn =5-235-02487-7 |ссылка =http://belpaese2000.narod.ru/Teca/Cinque/Michela/ZSL/mic0.htm |ref = Брион}} * {{книга|автор =[[Вазари, Джорджо|Вазари Д.]] |заглавие = Жизнеописания прославленных живописцев, скульпторов и архитекторов |оригинал ={{lang-it|Le Vite de’piu eccelenti Pittori, Scultori e Architetti}} |ответственный= |издание= |место =К. |издательство =Искусство |год =1970 |страниц =520 |страницы = 296—429, 497—507 |ссылки =ftp://lib.sumdu.edu.ua/Materiali_do_kyrsiv/Vazari.pdf |isbn= |isbn2= |ref = Вазари}} * {{Книга|ref=Власов|автор=[[Власов, Виктор Георгиевич|В. Г. Власов]].|заглавие=Стили в искусстве. В 3-х т|год=1997|часть=Микеланджело Буонарроти, Микеланьоло ди Лодовико ди Лионардо ди Буонаррото Симони|место=СПб.|издательство=Кольна|том=3. — Словарь имён|страницы=54—64|isbn=5-88737-010-6}} * {{Книга|ref=Гращенков|автор=[[Гращенков, Виктор Николаевич|В. Н. Гращенков]].|заглавие=Микеланджело // Мастера искусства об искусстве|год=1966|место=М.|издательство=Искусство|том=Второй|страницы=166—174}} * {{книга|автор =Эрпель Фриц. |заглавие = Микеланджело / Пер.&nbsp;с нем.&nbsp;Сергея Данильченко |место =Берлин |издательство =Хеншель |год =1990 |страниц =72 |isbn =3-362-00044-4 |ref = Эрпель}} * {{книга|автор = Дажинa В. Д.|заглавие= Микеланджело. Рисунок в его творчестве|место= М.|издательство = [[Искусство (издательство)|Искусство]]|год = [[1987|1987]]|страниц = 215}} * {{Книга|ref=Дворжак|автор=Дворжак, М.|заглавие=История итальянского искусства в эпоху Возрождения. Курс лекций|год=1978|место=М.|издательство=Искусство|том=II|страницы=17—44}} * {{книга | автор = {{comment|Махов А. Б.|Александр Борисович}} | заглавие = Микеланджело | место = М. | издательство = [[Молодая гвардия (издательство)|Молодая гвардия]] | год = 2014 | серия = [[Жизнь замечательных людей]] | страниц = 598[10] | isbn = 978-5-235-03689-5 | тираж = | ref = }} * {{книга |заглавие = Микеланджело. Поэзия. Письма. Суждения современников |ответственный = сост. [[Гращенков, Виктор Николаевич|В. Н. Гращенков]] |место = М. |год = 1983 |страниц = 176 | ref = Микеланджело. Поэзия. Письма. Суждения современников }} * {{книга |заглавие = Микеланджело. Жизнь. Творчество |ответственный = Сост. В. Н. Гращенков; вступительная статья В. Н. Лазарева |место = М. |издательство = [[Искусство (издательство)|Искусство]] |год = [[1964|1964]] }} * {{книга |автор = |заглавие = Микеланджело и его время |ответственный = Сборник статей. Под ред. [[Ротенберг, Евсей Иосифович|Е. И. Ротенберга]], [[Гершензон-Чегодаева, Наталья Михайловна|Н. М. Гершензон-Чегодаевой]] |место = {{М.}} |издательство = [[Искусство (издательство)|Искусство]] |год = [[1978|1978]] |страниц = 272 |тираж = 25000 }} * {{книга |автор = [[Ротенберг, Евсей Иосифович|Ротенберг Е. И.]] |заглавие = Микеланджело |место = М. |издательство = [[Искусство (издательство)|Искусство]] |год = [[1964|1964]] |страниц = 180 }} * [[Ирвинг Стоун]], «Муки и радости», big-library.info/?act=read&book=26322 * {{книга |автор = Ромен Роллан |заглавие = Жизнь Микеланджело |серия = |место = |издательство = |год = 1992 |страниц = |ссылка = https://libs.ru/book/396929/ |ref = Роллан |archive-date = 2023-01-28 |access-date = 2026-07-07 |archive-url = https://web.archive.org/web/20230128014529/https://libs.ru/book/396929/ |url-status = dead }} * {{книга|заглавие = Титан (Микеланджело)|ответственный = Сост. Г.С. Кушнеровская|место = М.|издательство = [[Молодая гвардия (издательство)|Молодая гвардия]]|год = [[1977|1977]]|тираж=100000}} * ''Дунина М. В.'' [http://actual-art.org/files/sb/09/Dunina.pdf Микеланджело-воспитатель: особенности творческой индивидуальности и система преподавания] // [[Актуальные проблемы теории и истории искусства]]: сб. науч. статей. Вып. 9 / Под ред. А. В. Захаровой, С. В. Мальцевой, Е. Ю. Станюкович-Денисовой. — МГУ имени М. В. Ломоносова / СПб.: НП-Принт, 2019. С. 634—643. * {{книга |автор = [[Кузьмина Марина Тимофеевна|М. Т. Кузьмина]] |заглавие = Микеланджело Буонарроти (К 500-летию со дня рождения) |ответственный = |место = {{М.}} |издательство = [[Знание (издательство, Москва)|Знание]] | серия = Искусство |год = 1975 |страниц = 56 |тираж = 150000 }} '''На других языках''' * {{книга |ref=Condivi |заглавие=The Life of Michelangelo |год=1999 |ссылка=https://books.google.com/books?id=sWNZ7njz2MkC |издательство=Pennsylvania State University Press |isbn=0-271-01853-4 |автор=[[Кондиви, Асканио|Condivi, Ascanio]]; Alice Sedgewick }} * {{книга |автор = Wallace, William E. |заглавие = Michelangelo: Skulptur, Malerei, Archtektur |место = [[Кёльн|Köln]] |издательство = Monte von DuMont |год = 2011 |ref = Wallace }} * {{книга |автор = Tolnay K. |заглавие = Michelangelo |место = Princeton |год = 1943 |ref = Tolnay }} * {{книга |автор = [[Жиль Нере|Gilles Néret]] |заглавие = Michelangelo |серия = Basic Art |место = [[Кёльн|Köln]] |издательство = [[Taschen]] |год = [[1999|1999]] |страниц = 96 }} * Edith Balas, «Michelangelo’s Medici Chapel: a new Interpretation», Philadelphia, 1995 * James Beck, Antonio Paolucci, Bruno Santi, «Michelangelo. The Medici Chapel», London, New York, 2000 * [[Козицкий, Владислав|Władysław Kozicki]], Michał Anioł, 1908. Wydawnictwo Gutenberg — Print, Warszawa {{refend}} == Азхьарԥшқәа == {{Авторитет змоу адыррақәа}} {{DEFAULTSORT:буонарроти}} [[Акатегориа:1475 шықәсазы ииз]] [[Акатегориа:Хәажәкырамза 6 рзы ииз]] [[Акатегориа:1564 шықәсазы иԥсыз]] [[Акатегориа:Жәабранмза 18 рзы иԥсыз]] [[Акатегориа:Италиатәи асахьаҭыхҩцәа]] [[Акатегориа:Италиатәи аскульпторцәа]] [[Акатегориа:Италиатәи архитекторцәа]] t03svpv4ymxhk85hxqa02oq858j5zv1 Ван Гог, Винсент 0 6616 170638 169689 2026-07-27T14:26:12Z Nart17 17397 Акарточка: аиҭагаҩ илҳәоу аҵакқәа ab-параметрқәа рахь ииаган (ru-параметрқәа ашаблон идикыломызт); Викидырра аҟынтәи аурыс текст ацәыхьчоуп. 170638 wikitext text/x-wiki {{Аиҭархара|Ван Гог}} {{Акарточка артист | ахьӡ = Винсент ван Гог | даҽа ахьӡ = {{lang-nl|Vincent van Gogh}} | ахатәы хьӡы = Vincent Willem van Gogh | афото = VanGogh 1887 Selbstbildnis.jpg | ахҵара = Ахатәыпортреҭ (1887) | аира аҭыԥ = [[Зюндерт|Зиундерт]], [[Северный Брабант|Аҩадатәи Брабант]], [[Недерланд]] | аԥсра аҭыԥ = [[Овер-сюр-Уаз|Оверс-сиур-Уаз]], [[Сена и Уаза|Сен-ет-Уаз]], [[Третья Французская республика|Франциа]] | Азанааҭ = [[живописец|асахьаҭыхҩы]], [[рисовальщик|аҿыханҵаҩ]] | аҵара = [[Королевская Академия изящных искусств в Брюсселе|Бриуссельтәи илыԥшааху аҟазара Академиа]] (1880-1881), Гаага, асахьаҭыхҩы Антон Мауве хаҭалатәи иурокқәа (1881-1882), Антверпентәи аҟазара Академиаҿы асахьаҭыхратә класс (абҵарамза 1885 - жәабранмза 1886) | амеценат = [[ван Гог, Тео (торговец картинами)|Тео ван Гог]] | аԥсра зыхҟьаз = | аԥсыжра аҭыԥ = | анхарҭа = | амилаҭра = | алма-матер = | аусураҭаҩ = | арҿиара дуқәа = | инырит = | анашьамҭақәа = | амазара = | апартиа = | адин = | аԥҳәыс = | ахаҵа = | ацынхаҩы = | ахәыҷқәа = | абызшәақәа = | амаҵура = | аcаит = }} '''Винсент Виллем ван Гог''', '''Ван Гог''' ({{lang-nl|Vincent Willem van Gogh}}) — [[культура Нидерландов|нидерландтәи]] [[живописец|асахьаҭыхҩы]], [[графика|аҿыханҵаҩ]], « [[Прекрасная эпоха|аепоха хазына]]» иреиҳау асахьаҭыхҩцәа ируаӡәку, [[постимпрессионизм|апостимпрессионисттә еиҿкаара]] аԥхьагылаҩ ҳәа иԥхьаӡоу ([[Сезанн, Поль|Поль Сезанн]]и [[Гоген, Поль|Поль Гоген]]и днарываргыланы), зырҿиарала XX-тәи ашәышықәсазтәи аҿыханҵа анырра ду азҭаз.<ref>{{Cite web|url=https://westbrabantsarchief.nl/collectie/voorouders/deeds/8759da72-f8d9-11df-a690-cd95c1e286e2?person=c5de19da-f8dd-11df-a690-cd95c1e286e2|title=Voorouders|website=westbrabantsarchief.nl|access-date=2024-02-16|archive-date=2023-06-04|archive-url=https://web.archive.org/web/20230604125738/https://westbrabantsarchief.nl/collectie/voorouders/deeds/8759da72-f8d9-11df-a690-cd95c1e286e2?person=c5de19da-f8dd-11df-a690-cd95c1e286e2|url-status=live}}</ref> Жәашықәса инарыцны ирҿиара иабзоураны 2100 усумҭа аԥиҵеит, урҭ рҟынтә 870 раҟара ахәшашәыгала иҭыху асахьақәа роуп. Урҭ рахь иаҵанакуеит [[портрет|апортреҭқәа]], [[автопортрет|автопортреҭқәа]], [[пейзаж|аԥсабарасахьақәа]], акипарисқәеи, азеиҭынҵлақәеи зну [[натюрморт|анатиурмортқәеи]], [[панно|апанноқәеи]], иара убас ачарыци, азараҟьеи рмыхурсҭақәа зну. Иԥсы ахьынӡаҭаз иара акритикцәа рылаԥшҳәаа дыҵашәомызт. == Инысымҩа == === Ихәыҷреи иҿареи === Диит Нидерланды аладахьы, Бельгиа аҳәаа азааигәара. Винсент иаб Теодор ван Гог, диит жәабранмза 8, 1822 ш азы, [[Нидерландская реформатская церковь|ареформациатә уахәама]] апастор иакәын, иан Анна Корнелиа Карбентус, [[Гаага|Гаагатәи]] ашәҟәыхҟьаҩы, ашәҟәыҭиҩы иԥҳа лакун. Винсент Теодори Анна Корнелиеи быжьҩык рыхшара рҟынтә аҩбатәи иакәын. Иара иабду, иаб иаб ихьӡ ихҵан, уигьы иԥсҭазаара зегьы апротестанттә уахәама иазикит. Ари ахьӡ Теодори Аннеи раԥхьатәи рхәыҷы изкны ирыман, уи Винсент диаанӡа шықәсык аԥхьа диит, аха ҽнакгьы дзымнеит, иԥсҭазаара далҵит. Убас ала Винсент аҭаацәараҿы ахәыҷқәа зегьы дреиҳабхеит. Винсент даниы ашьҭахь ԥшьышықәса анҵы, лаҵарамза 1, 1857 ш азы, иашьа [[Ван Гог, Тео (торговец картинами)|Теодорус ван Гог]] (Тео) диит. Уи идагьы, Винсент диман Кор захьӡыз аиашьа(Корнелис Винсент, лаҵарамза 17, 1867) хҩык аиҳәшьцәа - Анна Корнелиа (жәабранмза 17, 1855), Лиз (Елизабет Губерта, лаҵарамза 16, 1859), [[Ван Гог, Вил|Вил]] (Виллемина Иакоба, хәажәкырамза 16, 1862). Винсент зҟазшьа уадаҩыз, ихамаԥагьаз, игәыԥҵәагаз хәыҷын, уи азы иҭаацәара лассы-лассы иқәнагаз дақәдыршәон. Игувернантка лажәақәа рыла, егьырҭ дрылызкаауаз ҷыдарак илан, ахәыҷқәа зегь рахьтә Винсент лгәы изҭамызт, насгьы лара уи иаԥсоу ак илҵып ҳәа дыҟамызт. Иҭаацәара рҿы даныҟамыз Винсент иҟазшьа ҭынчын, дынкахәыцуа дыҟан, шамахамзар егьырҭ ахәыҷқәа дрыцыхәмаруамызт. Иқыҭауаа рзы згәы еизадаз, аҟазшьа бзиа змаз, арыцҳашьара злаз, иԥхашьа-ԥхаҵо иҟаз, ахӡырымгара злаз хәыҷы хаак иакәны дыҟан. Быжь-шықәса анихыҵуаз иара ақыҭа школ дҭалеит, аха шықәсык ашьҭахь уи дҭыргеит, иаҳәшьа Аннеи иареи аҩны аҵара ддырҵеит, агувернантка дрыман. Жьҭаарамза 1, 1864 ш азы Зевенберген ақалақь аҿы иҟаз ашкол-интернат ахь ддәықәырҵеит. Винсент уахь ицара агәырҩа рацәа изаанагеит; дандухагьы уи атәы ихашҭуамызт. Цәыббрамза 15, 1866 азы [[Тилбург|Тильбург]] ақалақь аҿы иҟоу Виллем аҩбатәи иколлеџь аҿы аҵара далагеит. Винсент абызшәақәа бзианы ицааиуан — [[Афранцыз бызшәа|афранцыз]], [[Англыз бызшәа|англыз]], [[Алман бызшәа|анемец]] бызшәақәа. Иара убас уаҟа асахьаҭыхра идырҵон. Хәажәкыра мза, 1868 шықәсазы, аҵарашықәс абжара инеигахьан еиԥш, Винсент иаалырҟьан ашкол аанрыжьны аҩныҟа дхынҳәуеит. Убри алагьы аҷкәын иформалтә ҵара хыркәшахоит. Ихәыҷра ашықәсқәа абас игәалаиршәон: ''Схәыҷра аамҭа лашьцан, ихьшәашәан, иҭацәын...''. === Ахәаахәҭратә еилахәыраҿы иусура, имиссионертә ус === [[Афаил:VincentVanGoghFoto.jpg|мини|150px|Винсент ван Гог 18 шықәса анихыҵуаз (1871-1872)<ref>{{Cite news|title=Сенсация в мире искусства: на знаменитом портрете Винсента Ван Гога изображён не он|url=https://vm.ru/news/563439.html|work=Вечерняя Москва|access-date=2018-12-02|lang=ru|archive-date=2018-12-02|archive-url=https://web.archive.org/web/20181202202619/https://vm.ru/news/563439.html}}</ref>|альт=]] 1869 шықәса, ԥхынгәымзазы асахьаҭыхра- ахәаахәҭратә еилахәыра [[Goupil & Cie]] [[Гаага|гаагатәи]] аҟәша аҟны аусура далагоит, уи иаб иашьа Винсент («Иаб иашьа Сент») ихатәын. Уаҟа иара аҭиҩы ихәҭаз аҵара иоуит. Раԥхьаӡа, иҟазахаран иҟаз Винсент иусура гәацԥыҳәара дула напы аиркит, алҵшәа бзиақәа ааирԥшит, 1873 ш, рашәарамзазы Goupil & Cie [[Лондон|Лондонтәи]] аҟәшахьы диаргеит. Аҟазара аусумҭақәа есыҽны иахьибоз иабзоураны иара асахьаҭыхра атәы еиликаауа, пату ақәиҵо далагеит. Уи адагьы ақалақь амузеиқәеи агалереиақәеи дырҭаауан, [[Жан-Франсуа Милле]]и [[Жюль Бретон|Жиуль Бретон]]и русумҭақәа дрыхәаԥшуан. Нанҳәамза анҵәамҭазы Винсент Урсула Лоиери лыԥҳа Евгениеи рыҩны аҟны ауада қьырала иганы, уахь нхара диасит. Евгениа бзиа дибон ҳәа агәаанагара ыҟоуп, амала раԥхьатәи аамҭазы инысымҩа зыҩуаз аӡәырҩы агха рыхьуан, Евгениа лан лыхьӡ Урсула ҳәа лыхьӡҵаны иадырбон. Жәашықәсақәа рыҩныҵҟа иҟаз аилагарақәа инарыцҵаны, аҵыхәтәантәи аҭҵаарақәа Винсент Евгениа лакәымкәа, Каролина Ҳаанебик зыхьӡыз анемка бзиа дибон ҳәа азгәарҭоит. Иҟаҵәҟьаз иахьагьы еилкаам. Бзиа иибоз аҭыԥҳа мап ахьицәылкыз исахьаҭыхыҩхараны иҟаз арԥыс даара игәнигеит, игәы канажьит; хәыҷы-хәыҷла иус ахь имаз аинтерес ицәыӡит, [[Абиблиа|Аԥшьашәҟәы]] дазхьаԥшуа далагеит. 1874 ш азы Винсент афирма [[Париж|Парижтәи]] аҟәшахьы диаргеит, аха хымзтәи иусура ашьҭахь еиҭа Лондонҟа дцеит. Иусқәа еиҳа- еиҳа еицәахо ицон, 1875 ш. лаҵарамзазы иара ҩаԥхьа Парижҟа диаргеит, уаҟа [[Парижский салон|Салон]]и [[Лувр]]и рҿы имҩаԥысуаз ацәыргақәҵақәа дырҭаауан, аҵыхәтәаны асахьаҭыхраҿы ихы ԥишәо далагеит. Хәыҷы-хәыҷла уи аус иаамҭа рацәаны имнахуа иалагеит, Винсент иусура зынӡа игәы ахшәеит, «аҟазара- асахьақәа зҭиуа ауаа иреицәоу аӷацәа амаӡам» ҳәа азыӡбаны. Аҵыхәтәаны, 1876 шықәса хәажәкырамза анҵәамҭазы, афирма Goupil & Cie аҟны иусура дамырхит, иуацәа, аилахәыра аԥшәмацәа рыдгылара шимазгьы. 1876 ш ​​азы Винсент [[Англызтәыла|Англиаҟа]] дхынҳәит, уаҟа Ремсгеите аинтернат аҿы рҵаҩыс аусура далагоит, аха ауалафахәы изыршәаӡомызт. Убри аамҭазы, иаб иеиԥш, папыс дҟаларц азы агәаҳәара изцәырҵит. Ԥхынгәымзазы Винсент даҽа школк ахь диасит - Аизлворт (Лондон азааигәара), уаҟа рҵаҩыс, иара убас апастор ицхырааҩыс аус иуан. абҵарамза 4 рзы Винсент раԥхьатәи абжьагажәа иҳәеит. [[Аевангелие|Аевангелие]] ахь имаз аинтерес иацлон, арыцҳацәа абжьагажәа рзеиҭаҳәаразы агәаҳәара иоуа иалагеит. Винсент [[Рождество|Қьырса аныҳәа]]зы иҩныҟа дцеит, иани иаби Англиаҟа дыхнымҳәырц азы иабжьо иалагеит. Винсент Нидерланды даанхеит, насгьы [[Дордрехт]] ақалақь ашәҟәыҭирҭаҿы шықәсыбжак аус иуан. Ари аус иара игәаԥхомызт; иаамҭа аиҳарак [[Абиблиа|Аԥшьашәҟәы]] ацыԥҵәахақәа анемец, англыз, афранцыз бызшәақәа рахь еиҭеигон, ма дҭыхуан. Винсент пасторс иҟаларазы имаз агәазыҳәарақәа ирыдгылаз иҭаацәа, лаҵарамза 1877 азы [[Амстердам|Амстердамҟа]] ддәықәырҵоит, уаҟа иаб иашьа адмирал Иан ван Гог иҿы нхара далагеит. Араҟа иара гәацԥыҳәарала иҽазыҟаиҵон, иаб иашьа пату зқәырҵоз, еицырдыруаз атеолог Иоганесс Стрикер инапхгарала, ауниверситет атеологиа аҟәшахьы аҭаларазы аԥышәарақәа рыҭира иҽазыҟаиҵон. Аҵыхәтәаны иҵара игәы ахшәан, иаанижьит. Ԥхынгәымза 1878 азы Амстердамынтә дцеит. Ауаа дрыхәарц азы имаз агәаҳәара [[Брюссель|Бриуссель]] азааигәара Лакене иҟаз апастор Бокма ишкол ахь днанагеит. Уаҟа абжьагажәақәа рҳәаразы хымзтәи акурсқәа дырхысит.(Аха агәаанагара ыҟоуп урҭ дрылымгаӡеит ҳәа. Иҟазшьа бааԥси, агәам ихьыссы дахьныҟәози ирхырҟьаны дҭырцеит ҳәа) Ԥхынҷкәынмза 1878ш. азы, Винсент Боринаж иаҵанакуаз Патиураж ақыҭахь шықәсыбжак миссионерс дцеит, [[Бельгиа|Бельгиа]] аҩадахьы иҟоу ашахтиорцәа рраион ахь, уаҟа иара аус ӷәӷәа нап аиркит: ачымазаҩцәа дырҭаауан, аҵара змамыз Аԥшьашәҟәы дырзаԥхьон, ахәыҷқәа аҵара дирҵон, уахынла аԥарарҳаразы [[Палестина (историческая область)|Палестина]] ахсаалақәа ҭихуан. Ари аҩыза ахымҩаԥгашьазы аҭыԥантәи ауааԥсыреи Аевангелиетә Еилазаара алахәылацәеи даара ргәы дақәшәеит, убри аҟынтә ҩынҩажәижәаба франк ауалафахәы ирҭо иалагеит. Шықәсыбжактәи аҵара данахыслак ашьҭахь, ван Гог иҵара ацҵаразы Аевангелиетә школ дҭаларц игәы иҭеикхьан, аха иҵара иахыршәааз аԥара дискриминациоуп ҳәа азыԥхьаӡаны, аҵара мап ацәикит. Убри аан, Винсент ашахтақәа реиҳабацәа рахь аусзуҩцәа рыхьӡала, урҭ русуратә ҭагылазаашьақәа реиӷьтәразы ааԥхьара ҟаиҵеит. Ашәҟәы мап ацәыркит, насгьы ван Гог ихаҭа Бельгиатәи апротестанттә уахәама асинодтә еилахәыра аӡбарала абжьагажәаҳәаҩ имаҵзура дамырхит. Ари ахҭыс иара даара хьаас иҟаиҵеит. === Сахьаҭыхҩны иҟалара. === Патиураж иҟалаз ахҭысқәа ирыхҟьаны иоуз адепрессиеи агәкаҳареи иҽырцәихьчарц азы, Ван Гог ҩаԥхьа аҿыханҵара иҽазикырц иҭаххеит, аҵара дазхәыцуа далагеит, 1880ш азы иашьа Тео ицхыраарала [[Брюссель|Бриуссельҟа]] дцеит, уаҟа [[Королевская Академия изящных искусств в Брюсселе|илыԥшааху аҟазара Академиаҿы]] аҵара далагеит. Аха шықәсык ашьҭахь Винсент иҵара ааныжьны иани иаби рахь дхынҳәит. Иԥсҭазаара ари апериод азы, асахьаҭыхҩы абаҩхатәра иламзаргьы ҟалоит, ихадоу аџьабаа ду абара, ахы аус адулара ауп ҳәа ԥхьаӡаны, ихала ихы аус адиулон. Уи аамҭазы ван Гог ацәанырра ҿыц изцәырҵит, икузина, аԥҳәыс еиба Кее Вос-Стрикер бзиа дибеит, лара лԥа длыманы рыҩны сасра дыҟан. Аԥҳәыс ицәаныррақәа мап рцәылкит, аха Винсент леиҽырбара даҟәыҵуамызт, уи азы иуацәа зегьы иҿагыло иалагеит. Аҵыхәтәаны дцарц иҳәеит. Ван Гог, ҩаԥхьа игәы каҳаит, ихатә ԥсҭазаара аиҿкааразы аҽазышәарақәа наӡаӡа мап рцәикырц ӡбаны, Гаагаҟа дцеит, уаҟа асахьаҭыхра далагеит, иҭынхак иҿы иҽазыҟаиҵон- Гаагатәи асахьаҭыхратә школ ахаҭарнак [[Мауве, Антон|Антон Мауве]]. Винсент аус рацәаны иуан, ақалақь аԥсҭазаара дацклаԥшуан, еиҳарак ауаа ӷарқәа ахьынхоз аҭыԥқәа. Аԥштәқәа рыла аԥышәарақәа мҩаԥигон, ақәатәаҿы еиуеиԥшым атехникақәа еилаиҵон — аҟәа, акалам, асепиа, аӡшәыга (“Ашьҭахьтәи агәараҭақәа”, 1882, акалам, аҟәа, ақьаад ашәыгахьшьыга, Криоллер-Миуллер имузеи, Оттерло; « Ахыбрақәа. Ван Гог иҟазарҭа аҟынтә асахьа» 1882 ш. Париж Ж. Ренан ихатәы коллекциа). Аҟаза анырра ду инаҭеит [[Барг, Шарль|Шарль Барг]]а ицхыраагӡа “Асахьа аҭыхразы акурс” захьӡыз. Иара ацхыраагӡа алитографиақәа зегьы 1880/1881 шықәсқәа рзы ирықәҭихуан, 1890 шықәсқәазы уи ахәҭак мацара. Гаага данынхоз асахьаҭыхҩы аҭаацәара аԥҵара иҽазишәеит. Уи далихит зцәазтәымкәа иҟаз акаҳԥы [[Хорник, Клазина Мария|Клазина Мариа Хорник]]. Винсенти лареи амҩаду аҿы еиқәшәеит, лҭагылазаашьа аниба дрыцҳаишьан, лыԥҳа длыманы иара иахь нхара ииасыртә лабжьигеит(хара имгакәа лара аԥа длоуит). Ари ахҭыс еимакны аҟазеи иҩызцәеи иҭынхацәеи ӷәӷәала иеисит, аха Винсент ихаҭа насыԥ иман: амодель диоуит. Аха Клазина Мариа лҟазшьа хьанҭахеит, хара имгакәа ван Гог иҭаацәаратә ԥсҭазаара каамеҭхеит. Иаарласны дара еиԥырҵит. Асахьаҭыхҩы уаҳа Гаага даангылар иҭахымхеит, нас Нидерландқәа рыҩадахьы, [[Дренте]] апровинциахь дцеит, уаҟа иара қьалак дыҩналеит, аҟазарҭа еиԥш иҟаҵаны, апеизажқәа ҭыхуа имшқәа зегьы аԥсабараҿ ихигон. Аха пеизажистс ихы иԥхьаӡомызт аҟынтә, урҭ рацәак дрызҿлымҳамызт, - ари апериод аан иҭыху асахьақәа жәпакы анхацәа ирызкуп, урҭ есыҽнытәи русуреи рыбзазашьеи. Ван Гог заатәи иусумҭақәа ареализм иаҵанакуеит, аха урҭ рынагӡашьеи атехникеи ареализм ахыԥхьаӡалара даара иуадаҩуп. Асахьаҭыхҩы исахьаҭыхратә ҵара ахьмаҷыз иахҟьаны дзықәшәоз апроблемақәа иреиуан ауаҩытәыҩса ифигура аарԥшра ахьилымшоз. Убри иахҟьаны иара ирҿиараҿы ихатә ҷыдара ааирԥшуа далагеит-, ауаҩы ифигура еихатыруа, аԥсабара иахәҭакны, зны-зынла акалагьы уи иеиԥшны иааирԥшуа далагеит. Уи даара еилыкка иубарҭоуп исахьаҭыхымҭа «Адгьылҵәа еиҭазҳауа анхаҩи анхаҩԥҳәыси» аҟны (1885, Кунстхауз, Циурих), уаҟа ақыҭанхацәа рфигурақәа ахрақәа иреиԥшуп, насгьы рхы аҩахараҵәҟьа рылымшо, алаԥшҳәаа ацәаҳәа ҳарак рықәыӷәӷәошәа иҟоуп. Атема абри аҩыза азнеишьа убарҭоуп еиҳа ихьшәаны иҭыхыз асахьа «[[Красные виноградники в Арле|Аӡахәаҭара ҟаԥшьқәа]]» аҟны (1888, Пушкин ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә ҿыханҵатә ҟазара амузеи, Москва). 1880-тәи ашықәсқәа асахьақәеи аетиудқәеи рсериа аҟны. (“[[Выход из протестантской церкви в Нюэнене|Нуенентәи апротестанттә уахәама адәылҵра]]” (1884-1885), “Анхаҩԥҳәыс” (1885, Криоллер-Миуллер имузеи, Оттерло), “[[Едоки картофеля|Адгьылҵәа афаҩцәа]]” (1885, Винсент ван Гог имузеи, Амстердам), “[[Старая церковная башня в Нюэнене|Ниуенентәи ажәытәтәи ауахәама абааш]] ” (1885). Исахьаркыратәу агамма еиқәа ала иҭыху, ауаҩы игәаҟрақәеи игәкаҳареи зныԥшуа, асахьаҭыхҩы ипсихологиатә ҭынчымра узырбо, еибархханы иҟоу атмосфера ааирԥшит. Иара убри аамҭазы асахьаҭыхҩы апеизаж ахь ихатәы азнеишьа иԥшааит. Аԥсабара ҩныҵҟала ишидикыло ауаҩы иҿырԥшны аҭыхра далагеит. Иара ихаҭа иажәақәа исахьаҭыхратә кредо акәны иҟалеит: «Аҵла анҭухуа афигура еиԥш уазнеила» 1885 шықәсазы ван Гог Дренте аанижьит, аҭыԥантәи апастор игәаӷ ахьикыз азы. Апастор асахьаҭыхҩы изы модельс анхацәа ҟалар имуа далагеит, аҟаза ихымҩаԥгашьа ҽеим ҳәа ахьӡ ихиҵеит. Винсент [[Антверпен|Антверпенҟа]] дцеит, уаҟа ҩаԥхьа асахьаҭыхразы аҽазыҟаҵарақәа дрылагеит - Аҟазаратә Академиа асахьаҭыхратә класс аҿы. Хәылбыҽхала ахатэы школ ахь дныҟәон, уаҟа зцәа хтыз амодельқәа рсахьа ҭихуан. Аха жәабранмза 1886 шықәсазы Антверпен аанрыжьны Парижҟа, иашьа Тео иахь дцеит, уаҟа уи асахьаҭыхымҭақәа иҭиуан. Винсент иԥсҭазаараҿы ихацыркхеит Парижтәи аамҭа, иара асахьаҭыхыҩ изы даара ихырҳагаз, хҭысла ибеиаз аамҭаны иҟалеит. Аҟаза Европа зегьы еицырдыруаз арҵаҩы [[Кормон, Фернан|Фернан Кормон]] ихатә ҟазарҭа даҭаауа далагеит, [[импрессионизм|аимпрессионизмтәи]] асахьаҭыхра ҭиҵаауан, [[укиё-э|иапониатәи агравиура]], [[Гоген, Поль|Поль Гоген]] исинтетикатә усумҭақәа. Ари апериод аҩнуҵҟа ван Гог исахьақәа рыԥшшәыеилазаара лашахеит, анышә аԥшшәқәа дрыцәхьаҵит, жәҩангәыԥшшәыла цқьа, ахьтәы-аҩежь, аҟаԥшь аԥшәқәа ааирԥшуа далагеит, иара иусумҭақәа ишрызҷыдаз еиԥш адинамика зныԥшуа ахьшьқәа ҟаиҵон (“[[Агостина Сегатори в кафе «Тамбурин»|Агостина Сегатори Тамбуринтәи акаҳуажәырҭаҿы]]” (1887-1888шш, Амстердам, ван Гог имузеи), « Сена ихыу ацҳа» (1887, Винсент ван Гог имузеи, Амстердам), “Папаша Танги” (1887, Роден имузеи, Париж), “[[Вид на Париж из квартиры Тео на улице Лепик|Лепик имҩаду аҿы иҟоу Тео иуада аҟынтәи Париж асахьа]]” (1887, Винсент ван Гог имузеи, Амстердам). Иапонтәи аҿыханҵеи [[ксилография|аксилографиеи]] (амҿтәы гравиура), аԥшшәыеилазаара ада, аҟаза ирҿиараҿы ҿырԥшыгас иҟаиҵо далагеит, уи иабзоураны иусумҭақәа егьырҭ аимпрессионистцәа рыҟны еиԥш, аҭынчреи аҭышәынтәалареи релементқәа рныԥшуа иалагеит. Асахьаҭыхҩы урҭ рҟынтәи џьоукы - [[Анри де Тулуз-Лотрек]]ом, [[Писсарро, Камиль|Камиль Писсарро]], [[Дега, Эдгар|Едгар Дега]], [[Гоген, Поль|Поль Гоген]], [[Бернар, Эмиль|Емиль Бернар]] — иашьа иабзоурала драбадырит, Париж даннеи ашьҭахь хара имгакәа. Абарҭ аибадыррақәа аҟаза изы зегь реиҳа ихәарҭоу анырра ҟарҵеит: иара иҟазара пату ақәызҵоз, доуҳала изааигәаз ауаа иԥшааит, аимпрессионистцәа рцәыргақәҵақәа гәацԥыҳәарыла ихы рылаирхәуа далагеит, урҭ мҩаԥысуан ақьафурҭа « Ла Фурш», акаҳуажәырҭа «Тамбурин», анаҩс «Ихьыԥшым атеатр» афоие рыҟны. Аха Ван Гог исахьақәа ауаа ргәы ҭырҟьеит, убри аҟнытә иара ҩаԥхьа ихы аус адиуло далагеит — [[Делакруа, Эжен|Ежен Делакруа]] иԥшшәқәа ртеориа аҭҵаара, [[Монтичелли, Адольф|Адольф Монтичелли]] иҿыханҵа, иапониатәи ԥшшәы рацәала иҩычоу агравиурақәа, иааизакны иҟьаҟьоу мрагыларатәи аҟазара ҳәа изышьҭоу. Аҟаза иаԥҵамҭақәа раӷьырак Парижтәи аамҭа иаҵанакуеит — ҩышәи ҩажәи жәаба инарзынаԥшуа. Урҭ ирылукаауеит еиуеиԥшым анатиурмортқәеи ахатәы портреҭқәеи, «Абашмакқәа» ҳәа азеиԥш хьӡы змоу асериа (1887ш, Аҟазаратә музеи, Балтимор), апеизажқәа. Ван Гог исахьақәа рҿы ауаҩы ироль аҽаԥсахуеит — уи ма зынӡа дыҟаӡам, мамзаргьы иара ды[[стаффаж]]уп. Иусумҭақәа рҿы аҳауеи, атмосфереи, аԥшшәы беиеи цәырҵуеит, аха аҟаза иара ихатәала иааирԥшуеит атмосфератә ниуансқәа, аформақәа еиламҵакәа, аелементқәа рхаҿқәеи, рфигурақәеи алкааны. Абас еиԥш иҟоу азнеишьа иаҿырԥштәны иҟоуп асахьа «Сент-Марие амшын» (1888, Пушкин ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә ҟазаратә музеи, Москва). Асахьаҭыхҩы иҟазаратә ԥшаарақәа асахьаҭыхра астиль ҿыц ахь днаргеит — апостимпрессионизм ахь.<ref>{{Cite web|lang=en|url=https://www.vangoghmuseum.nl/en/stories/inspiration-from-japan?v=1|title=Inspiration from Japan|publisher=www.vangoghmuseum.nl|access-date=2020-05-25|archive-date=2020-06-11|archive-url=https://web.archive.org/web/20200611151117/https://www.vangoghmuseum.nl/en/stories/inspiration-from-japan?v=1|url-status=live}}</ref> === Аҵыхәтәантәи ишықәсқәа. Ирҿиара ашәҭымҭа === Ван Гог иҟазара шеихеиҳауазгьы, ауааԥсыра исахьақәа рыдыркыломызт, иаархәомызт. Винсент уи даара игәнигон. 1888 ш. жәабранмза аҽеиҩшамҭаз, аҟаза Париж ааныжьны Франциа аҩадахьы, [[Арль|Арльҟа]] нхара диасырц иӡбеит - уаҟа иара игәы иҭеикит "Аҩадатәи аҟазарҭа" аиҿкаара - еиҵагыло абиԥарақәа рзы ирҿио, здунеихәаԥшышьақәа еиқәшәо асахьаҭыхҩцәа рхеилак. Ван Гог ԥхьаҟатәи русураҿы зегь реиҳа ихадоу ароль [[Гоген, Поль|Пол Гоген]] ииҭеит. Тео уи аус ԥарала дадгылеит, иара убри ашықәс азы Винсент Арльҟа нхара диасит. Уаҟа иара иҟазаратә стильи исахьаҭыхратә программеи рҷыдарақәа аҵыхәтәанынӡа иааԥшит: «Сыблақәа ирбо ишыҟаҵәҟьо аарԥшра аҭыԥан, аԥшшәы еиҳа ахы иақәиҭны схы иасырхәоит, еиҳа еиӷьны схы аарԥшразы». Уи апрограмма иалҵшәахеит «импрессионисттәым» атехника аԥҵара аҽазышәара. Уи адагьы, Винсент аҭыԥантәи аԥсабара аҵакы еиҳа инарҵауланы аарԥшразы асахьеи аԥшшәи р[[синтез]] аҟаҵара далагеит. Ван Гог аимпрессионисттә сахьаҭыхратә методқәа рыцәхьаҵра шиҭаххазгьы, ари астиль иусумҭақәа ӷәӷәала ишанырруаз убарҭан, ҷыдала алашара аарԥшраҿы (« Ашәҭра иаҿу атамаҵла», 1888, Криоллер-Миуллер имузеи, Оттерло) мамзаргьы аԥштәы рацәа ахархәараҿы ( « Арль иҟоу Англуа ацҳа». 1888, Вальраф-Рихарц Киольн имузеи).Уи аамҭазы, аимпрессионистцәа реиԥш, Ван Гоггьы еиԥшу асахьа аазырԥшуа аусумҭақәа рсериа аԥиҵеит, аха алашара аеффектқәа ишыҟаҵәҟьоу иаамырԥшӡакәа, аԥсабара аԥсҭазаара инҭкааны аарԥшра иҽазишәеит. Урҭ рнаҩсангьы, ари апериод иалагӡаны аҟаза асахьаркыратә форма ҿыц ззииԥшааз.апортреҭқәа жәпакы ҭихит. Асахьаҭыхҩы амцабз еиԥшыз иҟазаратә темперамент, агармониа иҽазышәара, аԥшӡареи анасыԥи рахь имаз игәазыҳәара, урҭ инарываргыланы ауаҩы иҿагылаз амчқәа рыцәшәара уҳәа, абарҭ ацәаныррақәа зегьы рныԥшит аладатәи амра аԥштәқәа рыла илашо ипеизажқәа (« [[Жёлтый дом (картина Ван Гога)|Иҩежьу аҩны]]» (1888), « [[Кресло Гогена|Гоген икресло]]» (1888). « Ачархра. Ла- Кро арха» (1888, Винсент ван Гог имузеи, Амстердам), ма ԥхыӡ бааԥсык угәалазыршәо асахьақәа рҿы («[[Ночная терраса кафе|Акаҳуажәырҭа атерраса уахынла]]» (1888, Криоллер-Миуллер имузеи, Оттерло); (1888, (« [[Красные виноградники в Арле|Арль иҟоу ақәаҵа ҟаԥшьқәа]]»([[Государственный музей изобразительных искусств имени А. С. Пушкина|Пушкин ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә ҟазаратә музеи]], Москва)), иара убасгьы зыԥсы ҭам амаҭәарқәа (“[[Спальня в Арле|Арль иҟоу ван Гог ишьҭаларҭа]] ” (1888, Винсент ван Гог имузеи, Амстердам). Аҟаза исахьақәа рколориттә еилазаара еиҳа еибархханы, адинамика аманы иҟалоит (“ [[Сеятель (картина Ван Гога)|Алаҵаҩ]]», 1888 Биурле ифонд. Циурих). («[[Ночное кафе|Уахынлатәи акаҳуажәырҭа]]”, 1888, Иельтәи ауниверситет Аҟазаратә Галереиа, Ньиу-Хеивен; “ [[Спальня в Арле|Арль иҟоу ван Гог ишьҭаларҭа]] ” (1888, Винсент ван Гог имузеи), Амстердам). Зыԥсҭазаара зегьы Арль инхоз [[Кальман, Жанна|Жанна Кальман]] лажәақәа рыла, 13 шықәса анылхыҵуаз лаб идәқьан аҿы дылбеит ван Гог. Асахьаҭыхҩы «дҟьашьны, иҽеимкәа деилаҳәазшәа, цәгьашақә дыҟазшәа» лнарбеит. Даҽа интервиук аҿы лара илҳәеит, имаҵ шылымуз, избанзар «иара узҵымӡаауа агәнаҳа иеиԥш дҿаасҭан, иҟазшьа бааԥсын, насгьы арыжәтә афҩы ихышәшәон» ҳәа.<ref name="CNN">{{cite web|url=http://www.cnn.com/WORLD/9708/04/obit.oldest/|title=World's oldest person dies at 122|date=1997-08-04|publisher=CNN|lang=en|access-date=2013-11-24|archive-url=https://web.archive.org/web/20140322033130/http://www.cnn.com/WORLD/9708/04/obit.oldest/|archive-date=2014-03-22|url-status=live}}</ref><ref name=" chocolates">{{статья|автор=Morris D.|заглавие=Alcohol, cigarettes, chocolates and sweets - The secrets of a long life?|ссылка=http://www.dailymail.co.uk/femail/article-1008681/Alcohol-cigarettes-chocolates-sweets--The-secrets-long-life.html|язык=en|издание=[[Daily Mail]]|тип=газета|год=2008|archive-url=https://web.archive.org/web/20140121155138/http://www.dailymail.co.uk/femail/article-1008681/Alcohol-cigarettes-chocolates-sweets--The-secrets-long-life.html|archive-date=2014-01-21|издательство=DMG Media}}</ref> жьҭаарамза 25, 1888 шықәса рзы Поль Гоген Арльҟа нхара диасит, аҿыханҵа «Аҩадатәи аҟазарҭа» аиҿкаара аидеиа алацәажәаразы. Аха, ҭынч изымеицәажәеит, аимакқәеи аисрақәеи рахь ииасит: Гоген ван Гог ҭакԥхықәрада аус дазнеиуеит ҳәа азиԥхьаӡеит, ван Гог иакәзар Гоген иаку аҿыханҵа аидеиа шԥаизеилымкааи ҳәа иџьеишьон. Аҵыхәтәаны, Арль ҭынч аусура згәы иҭаз Гоген, уи анизымыԥшаа, дықәҵны дцарц иӡбеит. Ԥхынҷкәынмза 23 ахәылбыҽха, иҩызеи иареи ҩаԥхьа ианеис ашьҭахь, ван Гог иҩыза адалақь кны дизыҵҟьеит. Гоген машәыршәа ауп Винсент дышникылаз. Ари аимак-аиҿак иазку аҵабырг иахьанӡагьы инҭкааны еилкаам, Гоген дышижәлаз аҭагылазаашьақәагьы убрахь иналаҵаны(ахәҭакахьала, ван Гог Гоген дшыцәаз ауп дышиқәлаз ҳәа аверсиа ыҟоуп, аҵыхәтәантәи ианаамҭаз дахьҿыхаз ауп аԥсра дацәызыхьчаз ҳәа), уи аухаҵәҟьа ван Гог илымҳаҟатара ԥиҟеит.<ref>{{Статья|ссылка=https://pmc.ncbi.nlm.nih.gov/articles/PMC539517/|автор=Cohen B.|заглавие=A tale of two ears|год=2003|язык=en|издание=J R Soc Med|тип=Journal|номер=96(6)|archive-date=2025-01-14|archive-url=https://web.archive.org/web/20250114112346/https://pmc.ncbi.nlm.nih.gov/articles/PMC539517/}}</ref><ref>{{Cite web|url=https://reshenie.vcc.ru/magazine/issues/a762020/view/article/1557587|title=Ван Гог — художник с раненым сердцем|lang=ru|website=Журнал «Решение вместе с Decision»|access-date=2025-01-14|archive-date=2025-01-14|archive-url=https://web.archive.org/web/20250114112353/https://reshenie.vcc.ru/magazine/issues/a762020/view/article/1557587|url-status=live}}</ref> Зегьы ирыдыркыло аверсиа инақәыршәаны, ван Гог иҩыза изиуыз ацәгьара дахьахьхәыз азы иҟаҵеит; иара убас, аҵарауаа џьоукы ван Гог ихымҩаԥгашьа дахьымхәӡеит, [[абсент]] лассы-лассы иахьижәуаз азы, ихы ахьеилаԥсаз ауп иҟаиҵаз зыхҟьаз ҳәа рыԥхьаӡоит. Уи ауха Гоген ихаҭа ван Гог дихәит, иара адалақь кны данизыҵҟьа- ҳәа даҽа версиакгьы ыҟоуп. Гоген аҳәеилышьра дазҟазан, [[Рапира|арапирала]] ван Гог иарӷьа лымҳаҟатара ҿахиҵәан, иабџьар аӡиас иалеижьит ҳәа.<ref>{{Cite web|url=https://style.rbc.ru/repost/5fa146429a7947fab6ef1a59|title=Ученые предложили новую версию истории с отрезанным ухом Ван Гога|website=РБК Стиль|access-date=2025-01-14|archive-date=2025-01-14|archive-url=https://web.archive.org/web/20250114112348/https://style.rbc.ru/repost/5fa146429a7947fab6ef1a59|url-status=live}}</ref><ref>{{Cite web|url=https://azbukamedia.com/verojatno-pravda-van-gog-sam-sebe-otrezal-uho/|title=Ван Гог сам себе отрезал ухо: вероятно правда! - Azbuka media|lang=ru-RU|last=|date=2024-03-09|access-date=2025-01-14|archive-date=2025-01-14|archive-url=https://web.archive.org/web/20250114112348/https://azbukamedia.com/verojatno-pravda-van-gog-sam-sebe-otrezal-uho/|url-status=live}}</ref><ref>{{Cite web |url=https://www.independent.co.uk/arts-entertainment/art/news/was-truth-the-biggest-casualty-in-the-case-of-vincent-and-his-severed-ear-1678988.html |title=Was truth the biggest casualty in the case of Vincent and his severed ear |access-date=2021-10-04 |archive-date=2021-10-04 |archive-url=https://web.archive.org/web/20211004190715/https://www.independent.co.uk/arts-entertainment/art/news/was-truth-the-biggest-casualty-in-the-case-of-vincent-and-his-severed-ear-1678988.html |url-status=live }}</ref> Адырҩаҽны, ԥхынҷкәынмза 24 рзы, Винсент апсихиатриатә хәышәтәырҭахь дыргеит, уаҟа [[эпилепсия височных долей|ичымазара]] даҽазныкгьы ӷәӷәала ахы цәырнагеит, уи иахҟьаны аҳақьымцәа зхы зызнымкыло ахеилагацәа рпалатахь диаргеит. Тео иҟалаз атәы иаҳәаны, Гоген ахәшәтәырҭаҿы ишьҭаз ван Гог дымбаӡакәа, ирласны Арль аанижьит. Аремиссиа аамҭақәа раан, Винсент иҟазарҭахь доурыжьларц аҳәара ҟаиҵон, уаҟа иусура иациҵарц азы, аха Арль ауааԥсыра ақалақь ахада иахь ашәҟәы рҩит, ауааԥсыра зхы еиқәшәам аҟаза ицәырыхьчарц азы. Ван Гог Арль азааигәара иҟаз, [[Сен-Реми-де-Прованс|Сен- Реми-де-Прованс]] игылаз зыпсихьика еилагоу ауаа рхәышәтәырҭа Сен- Поль дышьҭаларц идыргалеит, уахь Винсент лаҵарамза 3, 1889 шықәсазы дцеит. Уаҟа иара шықәсык дыҟан, ааԥсарак ҟамҵаӡакәа асахьа ҿыцқәа рҭыхра даҿын. Уи аамҭа иалагӡаны иара иаԥиҵеит шәи ҩынҩажәи жәаба инареиҳаны асахьаҭыхымҭақәеи, шәкы инарзынаԥшуа асахьаҭыхымҭақәеи акварельқәеи. Усҟантәи аамҭазы еиҳарак иҭихуаз анатиурмортқәеи апеизажқәеи ракәын, урҭ еиԥшымзаарас ирымаз анервтә ҭынчымреи адинамизми ракәын. (« [[Звёздная ночь|Еҵәала иҩычоу аҵх]]», 1889, еиҿагыло аԥштәқәа рхархәара, зны-зынла, атонбжақәа рхархәара («Азеиҭынҵлақәа рпеизаж» 1889 Џь. Г. Уитни еизгамҭа, Ниу-Иорк; « [[Пшеничное поле с кипарисом|Акипарисқәа зықәгылоу ачарыц дәы]]». 1889. Метрополитен амузеи. Ниу- Иорк. 1889 шықәса анҵәамҭазы иара ааԥхьара ирҭеит «[[Общество XX|Ҩажәаҩык ргәыԥ]]» захьӡыз Бриуссельтәи ацәыргақәҵахь, уаҟа иаразнак аҟаза иусумҭақәа рахь иколлегацэеи аҟазара абзиабаҩцәеи азҿлымҳара рызцәырҵит. Аха уажәшьҭа уи ван Гог дамыргәырӷьеит, дшамеигәырӷьаз еиԥш исахьа «Арль иҟоу аӡахәаҭра ҟаԥшьқәа» иазкны, 1890 шықәса, ажьырныҳәамзазы иҭыҵыз ажурнал «Меркиур де Франс» ианылаз Альберт Орие ииҩыз, аҟаза дахьирҽхәоз астатиагьы..<ref name=bioworld>{{cite web|url=http://vangogh-world.ru/vangogh-biography.php|title=Винсент Ван Гог. Биография. Жизнь и творчество|publisher=|access-date=2012-04-24|lang=ru|archive-url=https://web.archive.org/web/20120607195303/http://vangogh-world.ru/vangogh-biography.php|archive-date=2012-06-07|url-status=live}}</ref> 1890 шықәса ааԥынразы, аҟаза Париж азааигәара иҟаз [[Овер-сюр-Уаз|Овер-сиур-Уаз]] захьӡыз аҭыԥахь нхара диасит, уаҟа ауп ҩышықәса ирылагӡаны раԥхьаӡа акәны иашьеи иҭаацәеи анибаз. Асахьаҭыхҩы ирҿиара даҿын, аха аҵыхәтәантәи иҭыхымҭақәа рстиль зынӡа аҽаԥсахит, иаҳагьы угәы казыжьуа ракәны иҟалеит. Иусумҭаҿы аҭыԥ хада ааныркыло иалагеит, еиуеиԥшым амаҭәарқәа дырӷәӷәошәа икьынаау аконтурқәа («[[дорога с кипарисом и звездой|Акипарис ҵлақәа ахьгылоу ақыҭа мҩа]]», 1890, Криоллер-Миуллер имузеи, Оттерло; «Овер иҟоу амҩеи амардуани», 1890, Сент- Луис Ақалақь аҟазара амузеи; « [[Пейзаж в Овере после дождя|Овертәи апеизаж ақәоура ашьҭахь]]», 1890ш, А. С. Пушкин ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә аҿыханҵатә музеи, Москва). Винсент ихатә ԥсҭазаараҿы аҵыхәтәантәи хҭыс лашаны иҟалеит асахьаҭыхра бзиа избоз аҳақьым Поль Гашеи иареи реибадырра. [[Афаил:Van Gogh deathbed.jpeg|мини|200px|"Ван Гог аԥсра данаҿыз." [[Гаше, Поль|Поль Гаше]] иҭыхымҭа]] ԥхынгәымза 1890 шықәсазы ван Гог еицырдыруа исахьа ҭихит “ [[Пшеничное поле с воронами|ачарыц дәи аҟәараанқәеи]] ” (Ван Гог имузеи, Амстердам). Ԥхынгәымза 27 рзы, ван Гог асахьаҭыхразы аматериалқәа иманы [[пленэр|ныҟәара]] ҳәа дахьындәылҵыз, ареволвер ала игәы деихсуеит (даҽа версиак ала- ашәақь ала) аха ахы игәы акәымкәа, иныҵакны иаахеит. Уи иабзоураны иара ихала дахьынхоз асасааирҭа ауада аҟынӡа днеит. Асасааирҭа зтәыз аҳақьым диԥхьеит, уи ахәра гәеиҭеит, Теогьы адырра ииҭеит, иашьа адырҩаҽныҵәҟьа дааит, Винсент иԥсҭазаара далҵаанӡа ихала даанимыжьит, аҟаза ихы данеихс 29 сааҭ рышьҭахь ашьа рацәаны иахьицәцаз аҟынтә (1:30 сааҭ рзы, ԥхынгәымза 29, 1890ш) идунеи иԥсахит.<ref>Бейли, 2019, 171.</ref> 2011ш, жьҭаарамзазы, аҟаза иԥсра иадҳәалоу альтернативтә версиа цәырҵит: америкатәи аҟазара аҭоурыхҭҵааҩцәа Стивен Наифехи Грегори Уаит Смити иҟарҵаз агәаанагара ала, ван Гог иааиԥмырҟьаӡакәа арыжәтә ицызжәуаз аҷкәын хбыџқәа руаӡәык дишьит ҳәа.<ref>{{Cite web |url=http://www.rnw.nl/english/bulletin/vincent-van-gogh-%E2%80%9Cshot-dead-two-boys%E2%80%9D |title=Vincent van Gogh «shot dead by two boys» |access-date=2011-10-17 |archive-url=https://web.archive.org/web/20111017083156/http://www.rnw.nl/english/bulletin/vincent-van-gogh-%E2%80%9Cshot-dead-two-boys%E2%80%9D |archive-date=2011-10-17 |url-status=dead }}</ref> Тео излаиҳәо ала, аҟаза аҵыхәтәантәи иажәақәа ракәын: ''La tristesse durera toujours'' ("Алахьеиқәра наӡаӡа иҟазаауеит"). Винсент ван Гог анышә дамардеит [[Овер-сюр-Уаз|Овер-сиур-Уаз]] ԥхынгәы мза 30 рзы. Асахьаҭыхҩы аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргеит иашьеи иҩызцәа ԥыҭҩыки. Аԥсыжра ашьҭахь, Тео Винсент иусумҭақәа рцәыргақәҵа аиҿкаара далагеит, аха анерв чымазара ихьын, шықәсыбжак ашьҭахь, ажьырныҳәамза 25, 1891шықәсазы, Голландиа дыԥсит. 23 шықәса рышьҭахь, 1914 рзы, иԥшәма ԥҳәыс иԥсыбаҩ ааганы Винсент иԥсыжырҭа иавалжит.<ref name="TvGletter">{{cite web|url=http://www.webexhibits.org/vangogh/letter/21/etc-Theo-Lies.htm|title=Letter from Theo van Gogh to Elisabeth van Gogh Paris, 5 August 1890|first=Theodorus|quote=he said, "La tristesse durera toujours" [The sadness will last forever]|publisher=Webexhibits.org|access-date=2015-04-28|last1=van Gogh|archive-url=https://web.archive.org/web/20110624060011/http://www.webexhibits.org/vangogh/letter/21/etc-Theo-Lies.htm|archive-date=2011-06-24|url-status=live}}</ref><ref>Hayden, 2003, 152; Van der Veen, 2010, 260–264.</ref><ref>Sweetman, 1990, 367.</ref> == Иҭынха == === Исахьаҭыхымҭақәа ҳаҭыр рықәҵареи рыҭиреи === [[Афаил:Vincent Van Gogh 0013.jpg|мини|''Тарасконҟа амҩа иану асахьаҭыхҩы'', нанҳәамза 1888ш, Винсент ван Гог [[Монмажур|Монмажур]] азааигәара амҩаҿы, ақәатәа, ахәшашәыга, 48 x 44 см, [[Магдебург|Магдебургтәи]] ԥасатәи амузеи; [[Вторая мировая война|Аҩбатәи Адунеизегьтәи аибашьра]]ан асахьа амцабз иалаблит ҳәа агәаанагара ыҟоуп.]] Еицырдыруа ииашам гәаанагароуп ван Гог иԥсы ахьынӡаҭаз иҭихыз сахьа заҵәык ауп ирҭииз ҳәа, «[[Красные виноградники в Арле|Арль иҟоу аӡахәаҭра ҟаԥшьқәа]]». Ари асахьа раԥхьаӡа акәны аԥара ду зыхҭнырхыз акәхеит (1889 шықәса анҵәамҭазы Бриуссельтәи ацәыргақәҵаҿы; асахьа ахә 400 франк артәеит). 1882 шықәса инаркны иԥсы ахьынӡаҭаз ирҭииз аҟаза иусумҭақәа 14 ртәы зҳәо адокументқәа аанханы иҟоуп (уи атәы Винсент иашьа Тео изиҩхьан: «Раԥхьатәи ауасахәыҷы ацҳа иқәсит»), амала ииашаҵәҟьаны, иҭыхымҭақәа еиҳаны ирҭиир акәын.<ref>''Григорий Козлов''. [http://www.vokrugsveta.ru/vs/article/3966/ Легенда о Ван Гоге] {{Асаит архивтәра|url=https://web.archive.org/web/20140928175640/http://www.vokrugsveta.ru/vs/article/3966/ |date=2014-09-28 }} // [[Вокруг света (журнал)|Вокруг света]].</ref> 1880-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы раԥхьатәи исахьақәа рцәыргақәҵа ашьҭахь, иколлегацәеи, аҟазараҭҵааҩцәеи, аколлекционерцәеи рыбжьара ван Гог ихьӡ-иԥша еизҳауа иалагеит. Иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь [[Брюссель|Бриуссель]], [[Париж|Париж]], [[Гаага|Гаага]], [[Антверпен|Антверпен]] ақалақьқәа рҿы амемориалтә цәыргақәҵақәа еиҿкаан. XX-тәи ашәышықәса алагамҭазы Париж аретроспективақәа мҩаԥган (1901, 1905), [[Амстердам|Амстердам]] (1905), иара убас кры зҵазкуаз ацәыргақәҵақәа [[Кёльн|Кельн]] (1912), [[Арсенальная выставка|Ниу-Иорк]] (1913), [[Берлин|Берлин]] (1914). Уи анаҩс еиҵагылоз асахьаҭыхҩцәа анырра ду рынаҭеит. XX-тәи ашәышықәса азбжазы, Винсент ван Гог аҭоурых аҿы иреиҳаӡоу, еицырдыруа асахьаҭыхҩцәа дыруаӡәкны дрыԥхьаӡо иалагеит. 2007 шықәсазы, голландиатәи аҭоурыхҭҵааҩцәа ргәыԥ "'[[Канон голландской истории|Голландиатәи аҭоурых аканон]]'" еиқәдыршәеит ашколқәа рҟны иддырҵаларц азы, уа ҩынҩажәижәаба тема рахьтә акы ван Гог изыркит, егьырҭ амилаҭтә символқәа [[Рембрандт|Рембрандт]]и асахьаҭыхратә гәыԥ «[[Стиль (группа)|Стили]]» реиԥш иҟаз днарываргыланы.<ref>''John Rewald''. Studies in Post-Impressionism{{In lang|en}} / The Posthumous Fate of Vincent van Gogh 1890—1970, p. 244—254, published by Harry N. Abrams 1986, ISBN 0-8109-1632-0.</ref><ref>''Dorn, Roland, Leeman, Fred & alt.'' Vincent van Gogh and Early Modern Art, 1890—1914 (exh. cat). Essen & Amsterdam, 1990. ISBN 3-923641-33-8{{In lang|en}} ISBN 3-923641-31-1{{In lang|de}} ISBN 90-6630-247-X{{In lang|nl}}.</ref><ref>''Rewald, John''. The posthumous fate of Vincent van Gogh 1890—1970{{In lang|en}}. ''Museumjournaal'', August-September 1970. Republished in Rewald (1986), 248.</ref><ref>[https://books.google.com/books?id=GVIEAAAAMBAJ&pg=PA82&dq=is+Vincent+van+Gogh+the+greatest+painter&hl=en&ei=c9AtTNSMNsL38AbzgpT7Ag&sa=X&oi=book_result&ct=result&resnum=2&ved=0CDoQ6AEwAQ#v=onepage&q=is%20Vincent%20van%20Gogh%20the%20greatest%20painter&f=false Vincent van Gogh The Dutch Master of Modern Art has his Greatest American Show]{{In lang|en}}, ''Life Magazine'', 10 October 1949, p. 82—87.</ref><ref>[http://www.nga.gov/education/classroom/self_portraits/bio_van_gogh.shtm National Gallery of Art, Washington DC] {{Асаит архивтәра|url=https://web.archive.org/web/20130402070238/http://www.nga.gov/education/classroom/self_portraits/bio_van_gogh.shtm |date=2013-04-02 }}{{In lang|en}}.{{Анеишьа амам азхьарԥш|число=14|месяц=05|год=2013}}.</ref><ref>{{cite web |title = The Canon of the Netherlands |work = De Canon van Nederland |lang = nl |publisher = Foundation entoen.nu |date = 2007 |url = http://entoen.nu/default.aspx?lan=e |archive-url = https://www.webcitation.org/69yVejUI3?url=http://entoen.nu/default.aspx?lan=e |archive-date = 2012-08-17 }}</ref> [[Пикассо, Пабло|Пабло Пикассо]] иусумҭақәа инарываргыланы, аукционқәеи хаҭалатәи аҭирақәеи рҟынтәи агәаҭарақәа инарықәршәаны, ван Гог иусумҭақәа адунеи аҿы [[Список самых дорогих картин|зегь реиҳа зыхә ҳаракқәоу]] иреиуоуп, 100 миллион инареиҳаны (2011 шықәсазтәи аеквивалент инақәршәаны) иҭииз рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп: «[[Портрет доктора Гаше|Аҳақьым Гаше ипортреҭ]]», «[[Портрет почтальона Жозефа Рулена|Аԥошьҭаныҟәгаҩ Жозеф Рулен ипортреҭ]]», «[[Ирисы (картина Ван Гога)|Аирисқәа]]». “[[Пшеничное поле с кипарисами|Акипарис ҵлақәа ахьгыло ачарыц мыхурсҭа]]” 1993 шықәсазы 57 миллион доллар ҳәа иҭиин, уи аамҭазы уи даараӡа ахә ҳаракын ҳәа иԥхьаӡоуп, насгьы иара иҭыхымҭа “[[Автопортрет с отрезанным ухом и трубкой|Алымҳа ԥҟани аҭаҭыныжәгеи зну ахатәы портреҭ]]” 1990-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы иҭиин. Уи ахәԥса 80-90 миллион доллар рҟынӡа инеиуан. Ван Гог иҭыхымҭа "[[Портрет доктора Гаше|Аҳақьым Гаше ипортреҭ]]" аукцион аҿы 82,5 миллион доллар ҳәа ирҭиит. «Ицәаӷәоу амыхурсҭеи ацәаӷәаҩи» Ниу-Иорктәи аукционтә ҩнаҿынтә 81,3 миллион доллар ҳәа ирҭиит.<ref>''Andrew Decker''. [http://www.artnet.com/magazine_pre2000/features/decker/decker11-4-98.asp {{Асаит архивтәра|url=https://web.archive.org/web/20110725001800/http://www.artnet.com/magazine_pre2000/features/decker/decker11-4-98.asp |date=2011-07-25 }} The Silent Boom{{In lang|en}}, ''Artnet.com''.</ref><ref>[http://www.tiptoptens.com/2011/07/16/top-10-most-expensive-paintings/ «Top 10 Most Expensive Paintings»]{{In lang|en}}, ''TipTopTens.com''. {{webarchive|url=https://web.archive.org/web/20130317003143/http://www.tiptoptens.com/2011/07/16/top-10-most-expensive-paintings/ |date=2013-03-17 }}.</ref><ref>''G. Fernández''. [https://theartwolf.com/art-market/most-expensive-paintings/ The Most Expensive Paintings ever sold] {{Асаит архивтәра|url=https://web.archive.org/web/20210609221652/https://theartwolf.com/art-market/most-expensive-paintings/ |date=2021-06-09 }}{{In lang|en}}, ''TheArtWolf.com''.</ref><ref>{{cite web |url=http://vangogh-world.ru/ |title=Винсент Ван Гог |website=Мир Ван Гога |access-date=2012-04-24 |lang=ru |archive-url=https://web.archive.org/web/20120607042553/http://vangogh-world.ru/ |archive-date=2012-06-07 |url-status=live }}</ref><ref>[http://tass.ru/kultura/4725770 Картину Ван Гога продали на аукционе в США за $81,3 млн] {{Асаит архивтәра|url=https://web.archive.org/web/20171114191149/http://tass.ru/kultura/4725770 |date=2017-11-14 }}.</ref> Лаҵарамза 14, 2021 шықәсазы [[Ниу-Иорк|Ниу-Иорк]] ақалақь «[[Кристис]]» аукцион аҿы, аимпрессионист иҭыхымҭа "Тренктаи ацҳа" 39 миллион доллар инарыцны ирҭиит.<ref>[https://tass.ru/kultura/11370693 Картину Ван Гога продали на аукционе за $39,2 млн] {{Асаит архивтәра|url=https://web.archive.org/web/20210514021038/https://tass.ru/kultura/11370693 |date=2021-05-14 }}.</ref> 2025 шықәсазы аҟаза иҭыхымҭа “Парижтәи ароманқәеи аҵәца иҭагыло агәили ” Ниу-Иорктәи аукцион Сотбис аҟны 62,7 миллион доллар ҳәа ирҭиит.<ref>{{Cite web|access-date=2025-11-27|date=2025-11-27|lang=ru|title=В США картина Ван Гога ушла с молотка за $62,7 млн - Газета.Ru {{!}} Новости|url=https://www.gazeta.ru/culture/news/2025/11/21/27240259.shtml|website=Газета.Ru}}</ref> === Анырра === Тео иахь ииҩыз аҵыхәтәантәи исаламшәҟәаҿы Винсент ахшара ахьимамыз азы, исахьаҭыхымҭақәа ихылҵшьҭрақәа реиԥш дшырзыҟаз атәы иҩуан. Аҭоурыхҭҵааҩ [[Саймон Шама|Саимон Шама]] уи дазхәыцуа алкаа ҟаиҵеит «иашаҵәҟьаны ахшара диман — [[экспрессионизм|аекспрессионизм]], насгьы ахылҵшьҭра рацәаны» ҳәа. Шама ван Гог истиль аелементқәа зхы иазырхәаз асахьаҭыхҩцәа рацәаҩны рыӡбахә иҳәоит, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп [[Кунинг, Виллем де|Уиллем де Кунинг]], [[Говард Ходжкин|Говард Хоџькин]], [[Поллок, Джексон|Џьексон Поллок]]. [[Фовизм|Афовистцәа]] аԥштәи ахархәара аҳәаақәа дырҭбааит, «[[Die Brücke]]» агәыԥ аҟынтәи анемец експрессионистцәеи, егьырҭ заатәи [[модернизм|амодернистцәеи]] реиԥш. 1940-1950-тәи ашықәсқәа рзы иҟаз [[Абстрактный экспрессионизм|абстракттә експрессионизм]] Ван Гог иҭыхымҭақәа рҷыдарақәа анырра анаҭеит ҳәа ԥхьаӡоуп. Аҟазараҭҵааҩ Сиу Хаббард аӡыргара ''Винсент ван Гоги аекспрессионизми" иазкны абас иҳәоит:<ref>''Schama, Simon''. Wheatfield with Crows{{In lang|en}}. Simon Schama’s Power of Art, 2006. Documentary, from 59:20.</ref><ref>[http://www.tate.org.uk/collections/glossary/definition.jsp?entryId=102 "Glossary: Fauvism]{{In lang|en}}, Tate. {{Wayback|url=http://www.tate.org.uk/collections/glossary/definition.jsp?entryId=102 |date=20100517015050 }}.</ref><ref>''David Minthorn''. [https://www.usatoday.com/travel/destinations/2007-03-22-van-gogh-new-york_N.htm NYC exhibit highlights van Gogh’s impact on German modernists]{{In lang|en}}, USA Today, 2007.</ref> {{Ацитата алагара}} Ҩажәатәи ашәышықәса алагамҭазы Ван Гог аекспрессионистцәа асахьаркыратә бызшәа ҿыц риҭеит, уи хыхь-хыхь акәымкәа, инарҵауланы аҵакы аилкаара алнаршон. Иара убасгьы машәыршәа акәӡам, уи аамҭазы [[Зигмунд Фрейд|Фреид]] [[подсознание|агәынхәҵысҭа]] аҵаулара ахьааиртыз. Ари зеиԥшыҟам иҟәышу ацәыргақәҵа Ван Гог ихәҭоу аҭыԥ аҿы днанагоит: [[Искусство модернизма|амодерн аҟазара]] амҩа аартҩы иҭыԥ аҿы. {{oq|en|At the beginning of the twentieth century Van Gogh gave the Expressionists a new painterly language which enabled them to go beyond surface appearance and penetrate deeper essential truths. It is no coincidence that at this very moment Freud was also mining the depths of that essentially modern domain -the subconscious. This beautiful and intelligent exhibition places Van Gogh where he firmly belongs; as the trailblazer of modern art.}} {{Ацитата алгара|источник=Hubbard, Sue. «[http://www.suehubbard.com/sue-hubbard-on-vincent-van-gogh.htm Vincent Van Gogh and Expressionism]». ''Independent'', 2007}} 1957 азы, абританиатә сахьаҭыхҩы [[Бэкон, Фрэнсис (художник)|Френсис Бекон]] (1909-1992) ван Гог иусумҭа «Тарасконҟа амҩа иқу асахьаҭыхҩы» арепродукциа шьаҭас иҟаҵаны, аоригинал Аҩбатәи Адунеизегьтәи аибашьраан иқәхын, иусумҭақәа рсериа аԥиҵеит. Бекон арҿиаразы агәаҳәара изҭаз асахьа мацара акәӡамызт, ван Гог ихаҭагьы, Бекон «итәымуаҩу, имыцху ауаҩы» ҳәа диԥхьаӡон —уи Бекон усҟантәи игәалаҟазаара иақәшәоз азыҟазаашьа акәын. [[Афаил:Vincent van Gogh standbeeld in Nuenen.jpg|мини|Ниуенен игылоу Ван Гог ибаҟа]] Анаҩс, ирландиатәи асахьаҭыхҩы ван Гог аҟазараҿы итеориақәа ихы рыдикылон, ван Гог иашьа Тео иахь иишьҭыз асаламшәҟәы аҟынтәи ацәаҳәақәа ааигон: “асахьаҭыхҩы иашаҵәҟьақәа амаҭәарқәа шыҟаҵәҟьоу еиԥш акәӡам ишҭырхуа... Урҭ рсахьа ҭырхуеит, избан акәзар дара рхы еиԥш ирбоит.”<ref>''Farr, Dennis; Peppiatt, Michael; Yard, Sally''. Francis Bacon: A Retrospective{{In lang|en}}. Harry N Abrams, 1999. 112. ISBN 0-8109-2925-2.</ref> Жьҭаарамза 2009ш. инаркны ажьырныҳәамза 2010 нӡа, Амстердамтәи [[Музей Винсента Ван Гога|Винсент ван Гог имузеи]] аҿы аҟаза исалам шәҟәқәа ирызку ацәыргақәҵа мҩаԥысит, анаҩс, ажьырныҳәамза анҵәамҭа инаркны мшаԥымза 2010 ш. рҟынӡа, ацәыргақәҵа [[Лондон|Лондонтәи]] [[Королевская академия художеств|Аҟазаратә Академиахь]] ииаган.<ref>[https://gart.gallery/ The Art Newspaper]{{In lang|en}}. {{Wayback|url=https://gart.gallery/ |date=20121120205555 }}.</ref><ref>{{cite web |url=http://www.royalacademy.org.uk/exhibitions/vangogh/ |title=The Real Van Gogh: The Artist and His Letters |lang=en |publisher=Royal Academy of Arts |archive-url=https://www.webcitation.org/69yVfRTIq?url=http://www.royalacademy.org.uk/exhibitions/vangogh/ |archive-date=2012-08-17}}</ref> == Агалереиа == {{main|Винсент Ван Гог исахьақәа рсиа|Винсент Ван Гог иҭыхымҭақәа рсиа}} <gallery class="center" caption="Ахатәы портреҭқәа"> Афаил:Van Gogh self portrait as an artist.jpg|“Ахатәы портреҭ. Асахьаҭыхҩы иеиԥш” (1888) Афаил:Van Gogh self-portrait dedicated to Gauguin.jpg|“Ахатәы портреҭ. [[Гоген, Поль|Поль Гоген]] изкны” (1888) Афаил:VanGogh 1887 Selbstbildnis.jpg|"Ахатәы портреҭ" (1887) Афаил:Autoportrait de Vincent van Gogh.JPG|"Ахатә портреҭ" (1889) Афаил:VanGogh-self-portrait-with bandaged ear.jpg|"Ахатә портреҭ слымҳа ҿаҳәаны" (1889) Афаил:Vincent Willem van Gogh 106.jpg|"[[Автопортрет с отрезанным ухом и трубкой|Ахатә портреҭ слымҳа ҿаҳәаны, аҭаҭыныжәга кны]]" (1889) </gallery> <gallery class="center" caption="«Азараҟьақәа»"> Афаил:Vincent Willem van Gogh 128.jpg|«[[Подсолнухи (Ван Гог)|Азараҟьақәа]]»(1888) Афаил:VanGogh-still-life-four sunflowers.jpg|«Аҩара иаҿу азараҟьақәа ԥшьба» (1887) </gallery> <gallery class="center" caption="«Аирисқәа»"> Афаил:VanGogh-View of Arles with Irises.jpg|Арльи аирисқәеи рсахьа» (1889) Афаил:VanGogh-Irises 1.jpg|[[Ирисы (картина Ван Гога)|Аирисқәа]] (1889) Афаил:VanGogh-Irises 2.jpg|Аирисқәа (1889) Афаил:VanGogh-Irises 3.jpg|Аирисқәа (1890) </gallery> <gallery class="center" caption="Апеизажқәа"> Афаил:Vincent van Gogh - The Rocks - Google Art Project.jpg|[[Валуны и дуб|Ахаҳә дуқәеи аџьҵлеи]] (1888) Афаил:Van Gogh - Terrace of a Café at Night (Place du Forum) 1888.jpg|[[Ночная терраса кафе|Акаҳуажәырҭа атерраса уахынла]] (1888) Афаил:VanGogh-starry night.jpg|"[[Звёздная ночь|Еҵәала иҩычоу аҵх]]" (1889) Афаил:Van Gogh Landscape with carriage and train 1890.jpg|[[Пейзаж в Овере после дождя|Ақәаура ашьҭахь Овертәи апеизаж]] (1890) Афаил:Vincent van Gogh (1853-1890) - Wheat Field with Crows (1890).jpg|[[Пшеничное поле с воронами|Ачарыц мыхурсҭеи аҟәараанқәеи]] (1890) </gallery> <gallery class="center" caption="Апортреҭқәа"> Афаил:Van Gogh - Portrait of Pere Tanguy 1887-8.JPG|[[Портрет Папаши Танги (картина)|Аб Танги ипортреҭ]] (1887) Афаил:Vincent van Gogh - In the café - Agostina Segatori in Le Tambourin - Google Art Project 2.jpg|[[Агостина Сегатори в кафе «Тамбурин»|Агостина Сегатори акаҳуажәырҭа «Тамбурин» аҟны]] (1887) Афаил:Vincent Willem van Gogh 090.jpg|[[Портрет доктора Рея|Аҳақьым Реи ипортреҭ]] (1889) Афаил:Portrait of Dr. Gachet.jpg|[[Портрет доктора Гаше|Аҳақьым Гаше ипортреҭ]] (1890) </gallery> <gallery class="center" caption="Еиуеиԥшым"> Афаил:Vincent Willem van Gogh 037.jpg|[[Прогулка заключённых (картина)|Абаандаҩцәа рнеиааира]] (1889) Афаил:Pink Roses van Gogh.jpg|[[Розовые розы (картина)|Агәилԥшшәы змоу агәилқәа]] (1890) </gallery> == Асахьаҭыхымҭақәа авандализм рзура == 2022 шықәса жьҭаарамзазы, Лондонтәи Амилаҭтә Галереиаҿы, ҩыџьа активисткацәа Ван Гог исахьаҭыхымҭа « [[Подсолнухи (картина Ван Гога)|Азараҟьақәа]]» [[Консервы|аконсервтә]] [[томатный суп|томаттә суп]] рықәырҭәеит. Асахьа 84 миллион доллар иаԥсоуп ҳәа ԥхьаӡоуп. Фиби Пламмер акциа аан, активисткацәа руаӡәык иазгәалҭеит: «Миллионҩыла амла иакуа, ахьҭа иакуа аҭаацәарақәа абылтәы рымаӡам. Урҭ банкак асуԥҵәҟьа рзырԥхаӡом.» Аӡӷабцәа Just Stop Oil ҳәа изышьҭоу агәыԥ иалан, урҭ Твиттер адаҟьаҿы акциа иазку апост анырҵеит. Активисткацәа рфотосахьа атекст ацын: “Аҟазара аԥсҭазаара аасҭа ахә ҳаракума? Афатә аасҭа? Аиашара аасҭа? Ахәԥсақәа рыцлареи аҳауа акризиси абылтәы иадҳәалоуп».<ref>{{Cite web|lang=ru|url=https://www.kommersant.ru/doc/5618304|title=В Лондоне экоактивистки облили томатным супом картину Ван Гога «Подсолнухи»|website=www.kommersant.ru|date=2022-10-14|access-date=2022-10-14|archive-date=2022-10-22|archive-url=https://web.archive.org/web/20221022002833/https://www.kommersant.ru/doc/5618304|url-status=live}}</ref> == Агәаларшәара == [[Афаил:Kirk Douglas - Vincent van Gogh.jpg|мини|190px|[[Кирк Дуглас]] ван Гог ироль наигӡоит «[[Жажда жизни (фильм, 1956)|Аԥсҭазаара азгәышьра]]» аҟны]] * [[Меркури|Меркури]] [[Ван Гог (кратер)|акратер]] ван Гог ихьӡ ахҵоуп. * Асахьаҭыхҩы 1974 шықәсазы иҭрыжьыз Бельгиатәи аԥошьҭатә марка дануп. * Овер-сиур-Уаз ақалақь амҩаду Винсент ван Гог ихьӡ ахҵан, уаҟа аҟаза иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи амзқәа рзы дынхон. * [[Маклин, Дон (певец)|Дон Маклин]] иашәа "[[Vincent (песня)|Винсент]]" Винсент ван Гог изкуп. * Ипортреҭ ахархәара аиуит B£20 [[Банкнота|абанкнотаҿы]] ([[Брикстонский фунт|брикстонтәи афунтқәа]]) раԥхьаӡа акәны 2009 ш. рзы иҭыҵыз.<ref>{{Cite web|lang=en|url=https://turbina.ru/guide/Brikston-Velikobritaniya-126224/Otzyvy/Poleznoe/Mestnye-osobennosti/3/0/-1/Brikstonskiy-funt-87572/|title=Брикстонский фунт|website=Турбина.ру|date=2019-03-21|access-date=2021-05-26|archive-date=2020-02-26|archive-url=https://web.archive.org/web/20200226021949/https://turbina.ru/guide/Brikston-Velikobritaniya-126224/Otzyvy/Poleznoe/Mestnye-osobennosti/3/0/-1/Brikstonskiy-funt-87572/|url-status=live}}</ref> * [[Трофимов, Сергей Вячеславович|Сергеи Трофимов]] иашәа “Ван Гог” аҟаза изкуп. == Дахьаарԥшу акиноқәа == * [[Дуглас, Кирк|Кирк Дуглас]] — «[[Жажда жизни (фильм, 1956)|Аԥсҭазаара агәазыҳәара]]», 1956 * [[Рот, Тим|Тим Рот]] — "[[Винсент и Тео|Винсенти Теои]]", 1990 * [[Скорсезе, Мартин|Мартин Скорсезе]] — «[[Сны (фильм, 1990)|Аԥхыӡқәа]]», 1990 * [[Дютрон, Жак|Жак Диутрон]] — «[[Ван Гог (фильм, 1991)|Ван Гог]]», 1991 * [[Камбербэтч, Бенедикт|Бенедикт Камбербетч]] — « [[Ван Гог (фильм, 2010)|Ван Гог]]», 2010 * [[Карран, Тони|Тони Карран]] — абритантә телесериал «[[Доктор Кто|Аҳақьым Дарбан]]», 2010 [[Доктор Кто (5-й сезон)|ахәбатәи асезон]] [[Винсент и Доктор|ажәабатәи асериа]]. * [[Дефо, Уиллем|Уиллем Дефо]] — «[[Ван Гог. На пороге вечности|Ван Гог. Инарцәымҩа]]", 2018 2017 шықәса рашәарамзазы [[Международный фестиваль анимационных фильмов в Анси|Анси имҩаԥысуаз анимациатә кино жәларбжьаратәи афестиваль]] аҟны иӡырыргеит британиеи, польшеи, америкеи еицҭырхыз амультфильм “[[Ван Гог. С любовью, Винсент|Ван Гог. Бзиабарала, Винсент]]». Ари адунеи аҿы раԥхьаӡатәи зметраж еиҵыху анимациатә фильмуп, аҿыханҵа атехникала иҟаҵоу [[Масляные краски|ахәшашәыгала]] иҭыху, 62,450 кадр зегьы Ван Гог дызлаҭыхуаз астиль ала иҟаҵоуп. Аперсонаж хада ироль наигӡоит польшатәи актиор Роберт Гулачик. == Азгәаҭақәа == {{Reflist|2}} == Алитература == {{refbegin|2}} * [http://apsnyteka.org/file/100_tekstov_na_abkhazskonm_yazyke_2015_abh.pdf «100 текстк аԥсышәала», Аҟәа: Агәыҳалалратә Фонд Аԥсны аҿиара Афонд «Амшра», 2015] * ''Ван Гог.'' Письма / Пер. с голл. — {{Л.}}—{{М.}}, 1966. * {{Книга|ref=Бейли|автор=Бейли, Мартин|заглавие=Неизвестный Ван Гог. Последний год жизни художника|ответственный=Пер. с англ. И. Матвеевой; научная редакция Л. Левицкая|год=2019|место=М.|издательство=Манн, Иванов и Фербер|страниц=224|isbn=978-5-00146-220-0}} * ''Ревалд Дж.'' Постимпрессионизм / Пер. с англ. — Т. 1. — {{Л.}}—{{М.}}, 1962. * ''Перрюшо А.'' Жизнь Ван Гога / Пер. с франц. — {{М.}}, 1973. * {{книга |автор=Эник, Натали. |заглавие=Слава Ван Гога. Опыт антропологии восхищения |ответственный=Пер. с фр. Карена Саркисова |место=М. |издательство=V-A-C press |год=2014 |страниц=384 |isbn=978-5-9904389-6-5 |тираж=1500 }} * {{книга |автор=[[Мурина, Елена Борисовна|Мурина Елена]]. |часть= |ссылка часть= |заглавие=Ван Гог |оригинал= |ссылка= |викитека= |ответственный= |издание= |место=М. |издательство=[[Искусство (издательство)|Искусство]] |год=1978 |том= |страницы= |столбцы= |страниц=440 |серия= |isbn= |тираж=30000 |ref= }} * {{Книга|ref=Найфи, Уайт-Смит|автор=Найфи, Стивен; Уайт-Смит, Грегори|заглавие=Ван Гог. Жизнь: В 2 томах|ответственный=пер. с англ. О. Якименко, Е. Желтовой; под ред. А. Щениковой-Архаровой|год=2016|место=СПб|издательство=Азбука|страниц=672|isbn=978-5-389-06935-0}} * ''Дмитриева Н. А.'' Винсент Ван Гог. Человек и художник. — {{М.}}: Наука, 1980. — 404 с. * ''[[Стоун, Ирвинг|Стоун И.]]'' [[Жажда жизни (книга)]]. Повесть о Винсенте Ван Гоге / Пер. с англ. — {{М.}}: Правда, 1988. * Constantino Porcu. ''Van Gogh. Zijn leven en de kunst''. — Нидерланды, 2004. — (Серия ''Kunstklassiekers'').{{In lang|nl}} * Wolf Stadler. ''Vincent van Gogh''. Amsterdam Boek, 1974. (Серия ''De Grote Meesters''){{In lang|nl}} * Frank Kools. ''Vincent van Gogh en zijn geboorteplaats: als een boer van Zundert''. De Walburg Pers, 1990.{{In lang|nl}} * ''Козлов Г.'' [http://www.vokrugsveta.ru/vs/article/3966/ Легенда о Ван Гоге] // Вокруг света. — 2007. — № 7. * ''Ван Гог В.'' Письма к друзьям / Пер. с фр. П. Мелковой. — {{СПб}}: Азбука; Азбука-Аттикус, 2012. — 224 с. — (Азбука-классика). — 5000 экз. — ISBN 978-5-389-03122-7. * ''Гордеева М., Перова Д.'' Винсент Ван Гог // Великие художники. — Т. 18. — {{К.}}: Комсомольская правда — Украина, 2010. — 48 с. * {{книга |автор=David Sweetman |заглавие=Van Gogh: His Life and His Art |ссылка=https://archive.org/details/vangoghhislifehi0000swee_o1o6 |издательство=Touchstone |год=1990 |isbn=978-0-671-74338-3 |ref=Sweetman }} * {{книга |автор=Deborah Hayden |заглавие=Pox: Genius, Madness and the Mysteries of Syphilis |ссылка=https://archive.org/details/poxgeniusmadness0000hayd |издательство=Basic Books |год=2003 |isbn=978-0-465-02881-8 |ref=Hayden }} * {{книга |автор=Wouter Van der Veen, Peter Knapp |заглавие=Van Gogh in Auvers: His Last Days |издательство=Monacelli Press |год=2010 |isbn=978-1-58093-301-8 |ref=Van der Veen }} {{refend}} == Азхьарԥшқәа == * [http://vangogh-art.ru vangogh-art.ru — Искусство ван Гога]{{Асаит архивтәра|url=https://web.archive.org/web/20200806012135/http://vangogh-art.ru/ |date=2020-08-06 }} * [http://art-vangogh.com/index.html art-vangogh.com — Сайт, посвящённый творчеству и биографии ван Гога] * [https://artrue.ru/style/postimpressionism/vangogh/gollandskij-period-van-goga.html Голландский период ван Гога] * [https://gallerix.ru/album/Vincent-Van-Gogh Полная галерея картин ван Гога] на Gallerix.ru * [https://www.wm-painting.ru/MasterPieces/p19_sectionid/18/p19_imageid/142 Картины ван Гога с описанием]{{dmoz|Arts/Art_History/Artists/G/Gogh,_Vincent_van/|Винсент Ван Гог}} * [https://www.vesti.ru/nauka/article/2483016 Гениальному безумцу Ван Гогу поставили новый диагноз] // [[Вести.ру|Вести]] — Наука, 9 ноября 2020 {{Авторитет змоу адыррақәа}} [[Акатегориа:1853 шықәсазы ииз]] [[Акатегориа:Хәажәкырамза 30 рзы ииз]] [[Акатегориа:1890 шықәсазы иԥсыз]] [[Акатегориа:Ԥхынгәымза 29 рзы иԥсыз]] [[Акатегориа:Винсент Виллем ван Гог| ]] [[Акатегориа:Недерландтәи асахьаҭыхҩцәа]] [[Акатегориа:Недерландтәи ақьырсианцәа]] mzpiquuxun4jvgcpbhjjuuuvtwssr3w 170647 170638 2026-07-28T10:33:49Z Fraxinus.cs 8381 170647 wikitext text/x-wiki {{Аиҭархара|Ван Гог}} {{Акарточка артист | ахьӡ = Винсент ван Гог | даҽа ахьӡ = {{lang-nl|Vincent van Gogh}} | ахатәы хьӡы = Vincent Willem van Gogh | афото = VanGogh 1887 Selbstbildnis.jpg | ахҵара = Ахатәыпортреҭ (1887) | аира аҭыԥ = [[Зюндерт|Зиундерт]], [[Северный Брабант|Аҩадатәи Брабант]], [[Недерланд]] | аԥсра аҭыԥ = [[Овер-сюр-Уаз|Оверс-сиур-Уаз]], [[Сена и Уаза|Сен-ет-Уаз]], [[Третья Французская республика|Франциа]] | Азанааҭ = [[живописец|асахьаҭыхҩы]], [[рисовальщик|аҿыханҵаҩ]] | аҵара = [[Королевская Академия изящных искусств в Брюсселе|Бриуссельтәи илыԥшааху аҟазара Академиа]] (1880-1881), Гаага, асахьаҭыхҩы Антон Мауве хаҭалатәи иурокқәа (1881-1882), Антверпентәи аҟазара Академиаҿы асахьаҭыхратә класс (абҵарамза 1885 - жәабранмза 1886) | амеценат = [[ван Гог, Тео (торговец картинами)|Тео ван Гог]] }} '''Винсент Виллем ван Гог''', '''Ван Гог''' ({{lang-nl|Vincent Willem van Gogh}}) — [[культура Нидерландов|нидерландтәи]] [[живописец|асахьаҭыхҩы]], [[графика|аҿыханҵаҩ]], « [[Прекрасная эпоха|аепоха хазына]]» иреиҳау асахьаҭыхҩцәа ируаӡәку, [[постимпрессионизм|апостимпрессионисттә еиҿкаара]] аԥхьагылаҩ ҳәа иԥхьаӡоу ([[Сезанн, Поль|Поль Сезанн]]и [[Гоген, Поль|Поль Гоген]]и днарываргыланы), зырҿиарала XX-тәи ашәышықәсазтәи аҿыханҵа анырра ду азҭаз.<ref>{{Cite web|url=https://westbrabantsarchief.nl/collectie/voorouders/deeds/8759da72-f8d9-11df-a690-cd95c1e286e2?person=c5de19da-f8dd-11df-a690-cd95c1e286e2|title=Voorouders|website=westbrabantsarchief.nl|access-date=2024-02-16|archive-date=2023-06-04|archive-url=https://web.archive.org/web/20230604125738/https://westbrabantsarchief.nl/collectie/voorouders/deeds/8759da72-f8d9-11df-a690-cd95c1e286e2?person=c5de19da-f8dd-11df-a690-cd95c1e286e2|url-status=live}}</ref> Жәашықәса инарыцны ирҿиара иабзоураны 2100 усумҭа аԥиҵеит, урҭ рҟынтә 870 раҟара ахәшашәыгала иҭыху асахьақәа роуп. Урҭ рахь иаҵанакуеит [[портрет|апортреҭқәа]], [[автопортрет|автопортреҭқәа]], [[пейзаж|аԥсабарасахьақәа]], акипарисқәеи, азеиҭынҵлақәеи зну [[натюрморт|анатиурмортқәеи]], [[панно|апанноқәеи]], иара убас ачарыци, азараҟьеи рмыхурсҭақәа зну. Иԥсы ахьынӡаҭаз иара акритикцәа рылаԥшҳәаа дыҵашәомызт. == Инысымҩа == === Ихәыҷреи иҿареи === Диит Нидерланды аладахьы, Бельгиа аҳәаа азааигәара. Винсент иаб Теодор ван Гог, диит жәабранмза 8, 1822 ш азы, [[Нидерландская реформатская церковь|ареформациатә уахәама]] апастор иакәын, иан Анна Корнелиа Карбентус, [[Гаага|Гаагатәи]] ашәҟәыхҟьаҩы, ашәҟәыҭиҩы иԥҳа лакун. Винсент Теодори Анна Корнелиеи быжьҩык рыхшара рҟынтә аҩбатәи иакәын. Иара иабду, иаб иаб ихьӡ ихҵан, уигьы иԥсҭазаара зегьы апротестанттә уахәама иазикит. Ари ахьӡ Теодори Аннеи раԥхьатәи рхәыҷы изкны ирыман, уи Винсент диаанӡа шықәсык аԥхьа диит, аха ҽнакгьы дзымнеит, иԥсҭазаара далҵит. Убас ала Винсент аҭаацәараҿы ахәыҷқәа зегьы дреиҳабхеит. Винсент даниы ашьҭахь ԥшьышықәса анҵы, лаҵарамза 1, 1857 ш азы, иашьа [[Ван Гог, Тео (торговец картинами)|Теодорус ван Гог]] (Тео) диит. Уи идагьы, Винсент диман Кор захьӡыз аиашьа(Корнелис Винсент, лаҵарамза 17, 1867) хҩык аиҳәшьцәа - Анна Корнелиа (жәабранмза 17, 1855), Лиз (Елизабет Губерта, лаҵарамза 16, 1859), [[Ван Гог, Вил|Вил]] (Виллемина Иакоба, хәажәкырамза 16, 1862). Винсент зҟазшьа уадаҩыз, ихамаԥагьаз, игәыԥҵәагаз хәыҷын, уи азы иҭаацәара лассы-лассы иқәнагаз дақәдыршәон. Игувернантка лажәақәа рыла, егьырҭ дрылызкаауаз ҷыдарак илан, ахәыҷқәа зегь рахьтә Винсент лгәы изҭамызт, насгьы лара уи иаԥсоу ак илҵып ҳәа дыҟамызт. Иҭаацәара рҿы даныҟамыз Винсент иҟазшьа ҭынчын, дынкахәыцуа дыҟан, шамахамзар егьырҭ ахәыҷқәа дрыцыхәмаруамызт. Иқыҭауаа рзы згәы еизадаз, аҟазшьа бзиа змаз, арыцҳашьара злаз, иԥхашьа-ԥхаҵо иҟаз, ахӡырымгара злаз хәыҷы хаак иакәны дыҟан. Быжь-шықәса анихыҵуаз иара ақыҭа школ дҭалеит, аха шықәсык ашьҭахь уи дҭыргеит, иаҳәшьа Аннеи иареи аҩны аҵара ддырҵеит, агувернантка дрыман. Жьҭаарамза 1, 1864 ш азы Зевенберген ақалақь аҿы иҟаз ашкол-интернат ахь ддәықәырҵеит. Винсент уахь ицара агәырҩа рацәа изаанагеит; дандухагьы уи атәы ихашҭуамызт. Цәыббрамза 15, 1866 азы [[Тилбург|Тильбург]] ақалақь аҿы иҟоу Виллем аҩбатәи иколлеџь аҿы аҵара далагеит. Винсент абызшәақәа бзианы ицааиуан — [[Афранцыз бызшәа|афранцыз]], [[Англыз бызшәа|англыз]], [[Алман бызшәа|анемец]] бызшәақәа. Иара убас уаҟа асахьаҭыхра идырҵон. Хәажәкыра мза, 1868 шықәсазы, аҵарашықәс абжара инеигахьан еиԥш, Винсент иаалырҟьан ашкол аанрыжьны аҩныҟа дхынҳәуеит. Убри алагьы аҷкәын иформалтә ҵара хыркәшахоит. Ихәыҷра ашықәсқәа абас игәалаиршәон: ''Схәыҷра аамҭа лашьцан, ихьшәашәан, иҭацәын...''. === Ахәаахәҭратә еилахәыраҿы иусура, имиссионертә ус === [[Афаил:VincentVanGoghFoto.jpg|мини|150px|Винсент ван Гог 18 шықәса анихыҵуаз (1871-1872)<ref>{{Cite news|title=Сенсация в мире искусства: на знаменитом портрете Винсента Ван Гога изображён не он|url=https://vm.ru/news/563439.html|work=Вечерняя Москва|access-date=2018-12-02|lang=ru|archive-date=2018-12-02|archive-url=https://web.archive.org/web/20181202202619/https://vm.ru/news/563439.html}}</ref>|альт=]] 1869 шықәса, ԥхынгәымзазы асахьаҭыхра- ахәаахәҭратә еилахәыра [[Goupil & Cie]] [[Гаага|гаагатәи]] аҟәша аҟны аусура далагоит, уи иаб иашьа Винсент («Иаб иашьа Сент») ихатәын. Уаҟа иара аҭиҩы ихәҭаз аҵара иоуит. Раԥхьаӡа, иҟазахаран иҟаз Винсент иусура гәацԥыҳәара дула напы аиркит, алҵшәа бзиақәа ааирԥшит, 1873 ш, рашәарамзазы Goupil & Cie [[Лондон|Лондонтәи]] аҟәшахьы диаргеит. Аҟазара аусумҭақәа есыҽны иахьибоз иабзоураны иара асахьаҭыхра атәы еиликаауа, пату ақәиҵо далагеит. Уи адагьы ақалақь амузеиқәеи агалереиақәеи дырҭаауан, [[Жан-Франсуа Милле]]и [[Жюль Бретон|Жиуль Бретон]]и русумҭақәа дрыхәаԥшуан. Нанҳәамза анҵәамҭазы Винсент Урсула Лоиери лыԥҳа Евгениеи рыҩны аҟны ауада қьырала иганы, уахь нхара диасит. Евгениа бзиа дибон ҳәа агәаанагара ыҟоуп, амала раԥхьатәи аамҭазы инысымҩа зыҩуаз аӡәырҩы агха рыхьуан, Евгениа лан лыхьӡ Урсула ҳәа лыхьӡҵаны иадырбон. Жәашықәсақәа рыҩныҵҟа иҟаз аилагарақәа инарыцҵаны, аҵыхәтәантәи аҭҵаарақәа Винсент Евгениа лакәымкәа, Каролина Ҳаанебик зыхьӡыз анемка бзиа дибон ҳәа азгәарҭоит. Иҟаҵәҟьаз иахьагьы еилкаам. Бзиа иибоз аҭыԥҳа мап ахьицәылкыз исахьаҭыхыҩхараны иҟаз арԥыс даара игәнигеит, игәы канажьит; хәыҷы-хәыҷла иус ахь имаз аинтерес ицәыӡит, [[Абиблиа|Аԥшьашәҟәы]] дазхьаԥшуа далагеит. 1874 ш азы Винсент афирма [[Париж|Парижтәи]] аҟәшахьы диаргеит, аха хымзтәи иусура ашьҭахь еиҭа Лондонҟа дцеит. Иусқәа еиҳа- еиҳа еицәахо ицон, 1875 ш. лаҵарамзазы иара ҩаԥхьа Парижҟа диаргеит, уаҟа [[Парижский салон|Салон]]и [[Лувр]]и рҿы имҩаԥысуаз ацәыргақәҵақәа дырҭаауан, аҵыхәтәаны асахьаҭыхраҿы ихы ԥишәо далагеит. Хәыҷы-хәыҷла уи аус иаамҭа рацәаны имнахуа иалагеит, Винсент иусура зынӡа игәы ахшәеит, «аҟазара- асахьақәа зҭиуа ауаа иреицәоу аӷацәа амаӡам» ҳәа азыӡбаны. Аҵыхәтәаны, 1876 шықәса хәажәкырамза анҵәамҭазы, афирма Goupil & Cie аҟны иусура дамырхит, иуацәа, аилахәыра аԥшәмацәа рыдгылара шимазгьы. 1876 ш ​​азы Винсент [[Англызтәыла|Англиаҟа]] дхынҳәит, уаҟа Ремсгеите аинтернат аҿы рҵаҩыс аусура далагоит, аха ауалафахәы изыршәаӡомызт. Убри аамҭазы, иаб иеиԥш, папыс дҟаларц азы агәаҳәара изцәырҵит. Ԥхынгәымзазы Винсент даҽа школк ахь диасит - Аизлворт (Лондон азааигәара), уаҟа рҵаҩыс, иара убас апастор ицхырааҩыс аус иуан. абҵарамза 4 рзы Винсент раԥхьатәи абжьагажәа иҳәеит. [[Аевангелие|Аевангелие]] ахь имаз аинтерес иацлон, арыцҳацәа абжьагажәа рзеиҭаҳәаразы агәаҳәара иоуа иалагеит. Винсент [[Рождество|Қьырса аныҳәа]]зы иҩныҟа дцеит, иани иаби Англиаҟа дыхнымҳәырц азы иабжьо иалагеит. Винсент Нидерланды даанхеит, насгьы [[Дордрехт]] ақалақь ашәҟәыҭирҭаҿы шықәсыбжак аус иуан. Ари аус иара игәаԥхомызт; иаамҭа аиҳарак [[Абиблиа|Аԥшьашәҟәы]] ацыԥҵәахақәа анемец, англыз, афранцыз бызшәақәа рахь еиҭеигон, ма дҭыхуан. Винсент пасторс иҟаларазы имаз агәазыҳәарақәа ирыдгылаз иҭаацәа, лаҵарамза 1877 азы [[Амстердам|Амстердамҟа]] ддәықәырҵоит, уаҟа иаб иашьа адмирал Иан ван Гог иҿы нхара далагеит. Араҟа иара гәацԥыҳәарала иҽазыҟаиҵон, иаб иашьа пату зқәырҵоз, еицырдыруаз атеолог Иоганесс Стрикер инапхгарала, ауниверситет атеологиа аҟәшахьы аҭаларазы аԥышәарақәа рыҭира иҽазыҟаиҵон. Аҵыхәтәаны иҵара игәы ахшәан, иаанижьит. Ԥхынгәымза 1878 азы Амстердамынтә дцеит. Ауаа дрыхәарц азы имаз агәаҳәара [[Брюссель|Бриуссель]] азааигәара Лакене иҟаз апастор Бокма ишкол ахь днанагеит. Уаҟа абжьагажәақәа рҳәаразы хымзтәи акурсқәа дырхысит.(Аха агәаанагара ыҟоуп урҭ дрылымгаӡеит ҳәа. Иҟазшьа бааԥси, агәам ихьыссы дахьныҟәози ирхырҟьаны дҭырцеит ҳәа) Ԥхынҷкәынмза 1878ш. азы, Винсент Боринаж иаҵанакуаз Патиураж ақыҭахь шықәсыбжак миссионерс дцеит, [[Бельгиа|Бельгиа]] аҩадахьы иҟоу ашахтиорцәа рраион ахь, уаҟа иара аус ӷәӷәа нап аиркит: ачымазаҩцәа дырҭаауан, аҵара змамыз Аԥшьашәҟәы дырзаԥхьон, ахәыҷқәа аҵара дирҵон, уахынла аԥарарҳаразы [[Палестина (историческая область)|Палестина]] ахсаалақәа ҭихуан. Ари аҩыза ахымҩаԥгашьазы аҭыԥантәи ауааԥсыреи Аевангелиетә Еилазаара алахәылацәеи даара ргәы дақәшәеит, убри аҟынтә ҩынҩажәижәаба франк ауалафахәы ирҭо иалагеит. Шықәсыбжактәи аҵара данахыслак ашьҭахь, ван Гог иҵара ацҵаразы Аевангелиетә школ дҭаларц игәы иҭеикхьан, аха иҵара иахыршәааз аԥара дискриминациоуп ҳәа азыԥхьаӡаны, аҵара мап ацәикит. Убри аан, Винсент ашахтақәа реиҳабацәа рахь аусзуҩцәа рыхьӡала, урҭ русуратә ҭагылазаашьақәа реиӷьтәразы ааԥхьара ҟаиҵеит. Ашәҟәы мап ацәыркит, насгьы ван Гог ихаҭа Бельгиатәи апротестанттә уахәама асинодтә еилахәыра аӡбарала абжьагажәаҳәаҩ имаҵзура дамырхит. Ари ахҭыс иара даара хьаас иҟаиҵеит. === Сахьаҭыхҩны иҟалара. === Патиураж иҟалаз ахҭысқәа ирыхҟьаны иоуз адепрессиеи агәкаҳареи иҽырцәихьчарц азы, Ван Гог ҩаԥхьа аҿыханҵара иҽазикырц иҭаххеит, аҵара дазхәыцуа далагеит, 1880ш азы иашьа Тео ицхыраарала [[Брюссель|Бриуссельҟа]] дцеит, уаҟа [[Королевская Академия изящных искусств в Брюсселе|илыԥшааху аҟазара Академиаҿы]] аҵара далагеит. Аха шықәсык ашьҭахь Винсент иҵара ааныжьны иани иаби рахь дхынҳәит. Иԥсҭазаара ари апериод азы, асахьаҭыхҩы абаҩхатәра иламзаргьы ҟалоит, ихадоу аџьабаа ду абара, ахы аус адулара ауп ҳәа ԥхьаӡаны, ихала ихы аус адиулон. Уи аамҭазы ван Гог ацәанырра ҿыц изцәырҵит, икузина, аԥҳәыс еиба Кее Вос-Стрикер бзиа дибеит, лара лԥа длыманы рыҩны сасра дыҟан. Аԥҳәыс ицәаныррақәа мап рцәылкит, аха Винсент леиҽырбара даҟәыҵуамызт, уи азы иуацәа зегьы иҿагыло иалагеит. Аҵыхәтәаны дцарц иҳәеит. Ван Гог, ҩаԥхьа игәы каҳаит, ихатә ԥсҭазаара аиҿкааразы аҽазышәарақәа наӡаӡа мап рцәикырц ӡбаны, Гаагаҟа дцеит, уаҟа асахьаҭыхра далагеит, иҭынхак иҿы иҽазыҟаиҵон- Гаагатәи асахьаҭыхратә школ ахаҭарнак [[Мауве, Антон|Антон Мауве]]. Винсент аус рацәаны иуан, ақалақь аԥсҭазаара дацклаԥшуан, еиҳарак ауаа ӷарқәа ахьынхоз аҭыԥқәа. Аԥштәқәа рыла аԥышәарақәа мҩаԥигон, ақәатәаҿы еиуеиԥшым атехникақәа еилаиҵон — аҟәа, акалам, асепиа, аӡшәыга (“Ашьҭахьтәи агәараҭақәа”, 1882, акалам, аҟәа, ақьаад ашәыгахьшьыга, Криоллер-Миуллер имузеи, Оттерло; « Ахыбрақәа. Ван Гог иҟазарҭа аҟынтә асахьа» 1882 ш. Париж Ж. Ренан ихатәы коллекциа). Аҟаза анырра ду инаҭеит [[Барг, Шарль|Шарль Барг]]а ицхыраагӡа “Асахьа аҭыхразы акурс” захьӡыз. Иара ацхыраагӡа алитографиақәа зегьы 1880/1881 шықәсқәа рзы ирықәҭихуан, 1890 шықәсқәазы уи ахәҭак мацара. Гаага данынхоз асахьаҭыхҩы аҭаацәара аԥҵара иҽазишәеит. Уи далихит зцәазтәымкәа иҟаз акаҳԥы [[Хорник, Клазина Мария|Клазина Мариа Хорник]]. Винсенти лареи амҩаду аҿы еиқәшәеит, лҭагылазаашьа аниба дрыцҳаишьан, лыԥҳа длыманы иара иахь нхара ииасыртә лабжьигеит(хара имгакәа лара аԥа длоуит). Ари ахҭыс еимакны аҟазеи иҩызцәеи иҭынхацәеи ӷәӷәала иеисит, аха Винсент ихаҭа насыԥ иман: амодель диоуит. Аха Клазина Мариа лҟазшьа хьанҭахеит, хара имгакәа ван Гог иҭаацәаратә ԥсҭазаара каамеҭхеит. Иаарласны дара еиԥырҵит. Асахьаҭыхҩы уаҳа Гаага даангылар иҭахымхеит, нас Нидерландқәа рыҩадахьы, [[Дренте]] апровинциахь дцеит, уаҟа иара қьалак дыҩналеит, аҟазарҭа еиԥш иҟаҵаны, апеизажқәа ҭыхуа имшқәа зегьы аԥсабараҿ ихигон. Аха пеизажистс ихы иԥхьаӡомызт аҟынтә, урҭ рацәак дрызҿлымҳамызт, - ари апериод аан иҭыху асахьақәа жәпакы анхацәа ирызкуп, урҭ есыҽнытәи русуреи рыбзазашьеи. Ван Гог заатәи иусумҭақәа ареализм иаҵанакуеит, аха урҭ рынагӡашьеи атехникеи ареализм ахыԥхьаӡалара даара иуадаҩуп. Асахьаҭыхҩы исахьаҭыхратә ҵара ахьмаҷыз иахҟьаны дзықәшәоз апроблемақәа иреиуан ауаҩытәыҩса ифигура аарԥшра ахьилымшоз. Убри иахҟьаны иара ирҿиараҿы ихатә ҷыдара ааирԥшуа далагеит-, ауаҩы ифигура еихатыруа, аԥсабара иахәҭакны, зны-зынла акалагьы уи иеиԥшны иааирԥшуа далагеит. Уи даара еилыкка иубарҭоуп исахьаҭыхымҭа «Адгьылҵәа еиҭазҳауа анхаҩи анхаҩԥҳәыси» аҟны (1885, Кунстхауз, Циурих), уаҟа ақыҭанхацәа рфигурақәа ахрақәа иреиԥшуп, насгьы рхы аҩахараҵәҟьа рылымшо, алаԥшҳәаа ацәаҳәа ҳарак рықәыӷәӷәошәа иҟоуп. Атема абри аҩыза азнеишьа убарҭоуп еиҳа ихьшәаны иҭыхыз асахьа «[[Красные виноградники в Арле|Аӡахәаҭара ҟаԥшьқәа]]» аҟны (1888, Пушкин ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә ҿыханҵатә ҟазара амузеи, Москва). 1880-тәи ашықәсқәа асахьақәеи аетиудқәеи рсериа аҟны. (“[[Выход из протестантской церкви в Нюэнене|Нуенентәи апротестанттә уахәама адәылҵра]]” (1884-1885), “Анхаҩԥҳәыс” (1885, Криоллер-Миуллер имузеи, Оттерло), “[[Едоки картофеля|Адгьылҵәа афаҩцәа]]” (1885, Винсент ван Гог имузеи, Амстердам), “[[Старая церковная башня в Нюэнене|Ниуенентәи ажәытәтәи ауахәама абааш]] ” (1885). Исахьаркыратәу агамма еиқәа ала иҭыху, ауаҩы игәаҟрақәеи игәкаҳареи зныԥшуа, асахьаҭыхҩы ипсихологиатә ҭынчымра узырбо, еибархханы иҟоу атмосфера ааирԥшит. Иара убри аамҭазы асахьаҭыхҩы апеизаж ахь ихатәы азнеишьа иԥшааит. Аԥсабара ҩныҵҟала ишидикыло ауаҩы иҿырԥшны аҭыхра далагеит. Иара ихаҭа иажәақәа исахьаҭыхратә кредо акәны иҟалеит: «Аҵла анҭухуа афигура еиԥш уазнеила» 1885 шықәсазы ван Гог Дренте аанижьит, аҭыԥантәи апастор игәаӷ ахьикыз азы. Апастор асахьаҭыхҩы изы модельс анхацәа ҟалар имуа далагеит, аҟаза ихымҩаԥгашьа ҽеим ҳәа ахьӡ ихиҵеит. Винсент [[Антверпен|Антверпенҟа]] дцеит, уаҟа ҩаԥхьа асахьаҭыхразы аҽазыҟаҵарақәа дрылагеит - Аҟазаратә Академиа асахьаҭыхратә класс аҿы. Хәылбыҽхала ахатэы школ ахь дныҟәон, уаҟа зцәа хтыз амодельқәа рсахьа ҭихуан. Аха жәабранмза 1886 шықәсазы Антверпен аанрыжьны Парижҟа, иашьа Тео иахь дцеит, уаҟа уи асахьаҭыхымҭақәа иҭиуан. Винсент иԥсҭазаараҿы ихацыркхеит Парижтәи аамҭа, иара асахьаҭыхыҩ изы даара ихырҳагаз, хҭысла ибеиаз аамҭаны иҟалеит. Аҟаза Европа зегьы еицырдыруаз арҵаҩы [[Кормон, Фернан|Фернан Кормон]] ихатә ҟазарҭа даҭаауа далагеит, [[импрессионизм|аимпрессионизмтәи]] асахьаҭыхра ҭиҵаауан, [[укиё-э|иапониатәи агравиура]], [[Гоген, Поль|Поль Гоген]] исинтетикатә усумҭақәа. Ари апериод аҩнуҵҟа ван Гог исахьақәа рыԥшшәыеилазаара лашахеит, анышә аԥшшәқәа дрыцәхьаҵит, жәҩангәыԥшшәыла цқьа, ахьтәы-аҩежь, аҟаԥшь аԥшәқәа ааирԥшуа далагеит, иара иусумҭақәа ишрызҷыдаз еиԥш адинамика зныԥшуа ахьшьқәа ҟаиҵон (“[[Агостина Сегатори в кафе «Тамбурин»|Агостина Сегатори Тамбуринтәи акаҳуажәырҭаҿы]]” (1887-1888шш, Амстердам, ван Гог имузеи), « Сена ихыу ацҳа» (1887, Винсент ван Гог имузеи, Амстердам), “Папаша Танги” (1887, Роден имузеи, Париж), “[[Вид на Париж из квартиры Тео на улице Лепик|Лепик имҩаду аҿы иҟоу Тео иуада аҟынтәи Париж асахьа]]” (1887, Винсент ван Гог имузеи, Амстердам). Иапонтәи аҿыханҵеи [[ксилография|аксилографиеи]] (амҿтәы гравиура), аԥшшәыеилазаара ада, аҟаза ирҿиараҿы ҿырԥшыгас иҟаиҵо далагеит, уи иабзоураны иусумҭақәа егьырҭ аимпрессионистцәа рыҟны еиԥш, аҭынчреи аҭышәынтәалареи релементқәа рныԥшуа иалагеит. Асахьаҭыхҩы урҭ рҟынтәи џьоукы - [[Анри де Тулуз-Лотрек]]ом, [[Писсарро, Камиль|Камиль Писсарро]], [[Дега, Эдгар|Едгар Дега]], [[Гоген, Поль|Поль Гоген]], [[Бернар, Эмиль|Емиль Бернар]] — иашьа иабзоурала драбадырит, Париж даннеи ашьҭахь хара имгакәа. Абарҭ аибадыррақәа аҟаза изы зегь реиҳа ихәарҭоу анырра ҟарҵеит: иара иҟазара пату ақәызҵоз, доуҳала изааигәаз ауаа иԥшааит, аимпрессионистцәа рцәыргақәҵақәа гәацԥыҳәарыла ихы рылаирхәуа далагеит, урҭ мҩаԥысуан ақьафурҭа « Ла Фурш», акаҳуажәырҭа «Тамбурин», анаҩс «Ихьыԥшым атеатр» афоие рыҟны. Аха Ван Гог исахьақәа ауаа ргәы ҭырҟьеит, убри аҟнытә иара ҩаԥхьа ихы аус адиуло далагеит — [[Делакруа, Эжен|Ежен Делакруа]] иԥшшәқәа ртеориа аҭҵаара, [[Монтичелли, Адольф|Адольф Монтичелли]] иҿыханҵа, иапониатәи ԥшшәы рацәала иҩычоу агравиурақәа, иааизакны иҟьаҟьоу мрагыларатәи аҟазара ҳәа изышьҭоу. Аҟаза иаԥҵамҭақәа раӷьырак Парижтәи аамҭа иаҵанакуеит — ҩышәи ҩажәи жәаба инарзынаԥшуа. Урҭ ирылукаауеит еиуеиԥшым анатиурмортқәеи ахатәы портреҭқәеи, «Абашмакқәа» ҳәа азеиԥш хьӡы змоу асериа (1887ш, Аҟазаратә музеи, Балтимор), апеизажқәа. Ван Гог исахьақәа рҿы ауаҩы ироль аҽаԥсахуеит — уи ма зынӡа дыҟаӡам, мамзаргьы иара ды[[стаффаж]]уп. Иусумҭақәа рҿы аҳауеи, атмосфереи, аԥшшәы беиеи цәырҵуеит, аха аҟаза иара ихатәала иааирԥшуеит атмосфератә ниуансқәа, аформақәа еиламҵакәа, аелементқәа рхаҿқәеи, рфигурақәеи алкааны. Абас еиԥш иҟоу азнеишьа иаҿырԥштәны иҟоуп асахьа «Сент-Марие амшын» (1888, Пушкин ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә ҟазаратә музеи, Москва). Асахьаҭыхҩы иҟазаратә ԥшаарақәа асахьаҭыхра астиль ҿыц ахь днаргеит — апостимпрессионизм ахь.<ref>{{Cite web|lang=en|url=https://www.vangoghmuseum.nl/en/stories/inspiration-from-japan?v=1|title=Inspiration from Japan|publisher=www.vangoghmuseum.nl|access-date=2020-05-25|archive-date=2020-06-11|archive-url=https://web.archive.org/web/20200611151117/https://www.vangoghmuseum.nl/en/stories/inspiration-from-japan?v=1|url-status=live}}</ref> === Аҵыхәтәантәи ишықәсқәа. Ирҿиара ашәҭымҭа === Ван Гог иҟазара шеихеиҳауазгьы, ауааԥсыра исахьақәа рыдыркыломызт, иаархәомызт. Винсент уи даара игәнигон. 1888 ш. жәабранмза аҽеиҩшамҭаз, аҟаза Париж ааныжьны Франциа аҩадахьы, [[Арль|Арльҟа]] нхара диасырц иӡбеит - уаҟа иара игәы иҭеикит "Аҩадатәи аҟазарҭа" аиҿкаара - еиҵагыло абиԥарақәа рзы ирҿио, здунеихәаԥшышьақәа еиқәшәо асахьаҭыхҩцәа рхеилак. Ван Гог ԥхьаҟатәи русураҿы зегь реиҳа ихадоу ароль [[Гоген, Поль|Пол Гоген]] ииҭеит. Тео уи аус ԥарала дадгылеит, иара убри ашықәс азы Винсент Арльҟа нхара диасит. Уаҟа иара иҟазаратә стильи исахьаҭыхратә программеи рҷыдарақәа аҵыхәтәанынӡа иааԥшит: «Сыблақәа ирбо ишыҟаҵәҟьо аарԥшра аҭыԥан, аԥшшәы еиҳа ахы иақәиҭны схы иасырхәоит, еиҳа еиӷьны схы аарԥшразы». Уи апрограмма иалҵшәахеит «импрессионисттәым» атехника аԥҵара аҽазышәара. Уи адагьы, Винсент аҭыԥантәи аԥсабара аҵакы еиҳа инарҵауланы аарԥшразы асахьеи аԥшшәи р[[синтез]] аҟаҵара далагеит. Ван Гог аимпрессионисттә сахьаҭыхратә методқәа рыцәхьаҵра шиҭаххазгьы, ари астиль иусумҭақәа ӷәӷәала ишанырруаз убарҭан, ҷыдала алашара аарԥшраҿы (« Ашәҭра иаҿу атамаҵла», 1888, Криоллер-Миуллер имузеи, Оттерло) мамзаргьы аԥштәы рацәа ахархәараҿы ( « Арль иҟоу Англуа ацҳа». 1888, Вальраф-Рихарц Киольн имузеи).Уи аамҭазы, аимпрессионистцәа реиԥш, Ван Гоггьы еиԥшу асахьа аазырԥшуа аусумҭақәа рсериа аԥиҵеит, аха алашара аеффектқәа ишыҟаҵәҟьоу иаамырԥшӡакәа, аԥсабара аԥсҭазаара инҭкааны аарԥшра иҽазишәеит. Урҭ рнаҩсангьы, ари апериод иалагӡаны аҟаза асахьаркыратә форма ҿыц ззииԥшааз.апортреҭқәа жәпакы ҭихит. Асахьаҭыхҩы амцабз еиԥшыз иҟазаратә темперамент, агармониа иҽазышәара, аԥшӡареи анасыԥи рахь имаз игәазыҳәара, урҭ инарываргыланы ауаҩы иҿагылаз амчқәа рыцәшәара уҳәа, абарҭ ацәаныррақәа зегьы рныԥшит аладатәи амра аԥштәқәа рыла илашо ипеизажқәа (« [[Жёлтый дом (картина Ван Гога)|Иҩежьу аҩны]]» (1888), « [[Кресло Гогена|Гоген икресло]]» (1888). « Ачархра. Ла- Кро арха» (1888, Винсент ван Гог имузеи, Амстердам), ма ԥхыӡ бааԥсык угәалазыршәо асахьақәа рҿы («[[Ночная терраса кафе|Акаҳуажәырҭа атерраса уахынла]]» (1888, Криоллер-Миуллер имузеи, Оттерло); (1888, (« [[Красные виноградники в Арле|Арль иҟоу ақәаҵа ҟаԥшьқәа]]»([[Государственный музей изобразительных искусств имени А. С. Пушкина|Пушкин ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә ҟазаратә музеи]], Москва)), иара убасгьы зыԥсы ҭам амаҭәарқәа (“[[Спальня в Арле|Арль иҟоу ван Гог ишьҭаларҭа]] ” (1888, Винсент ван Гог имузеи, Амстердам). Аҟаза исахьақәа рколориттә еилазаара еиҳа еибархханы, адинамика аманы иҟалоит (“ [[Сеятель (картина Ван Гога)|Алаҵаҩ]]», 1888 Биурле ифонд. Циурих). («[[Ночное кафе|Уахынлатәи акаҳуажәырҭа]]”, 1888, Иельтәи ауниверситет Аҟазаратә Галереиа, Ньиу-Хеивен; “ [[Спальня в Арле|Арль иҟоу ван Гог ишьҭаларҭа]] ” (1888, Винсент ван Гог имузеи), Амстердам). Зыԥсҭазаара зегьы Арль инхоз [[Кальман, Жанна|Жанна Кальман]] лажәақәа рыла, 13 шықәса анылхыҵуаз лаб идәқьан аҿы дылбеит ван Гог. Асахьаҭыхҩы «дҟьашьны, иҽеимкәа деилаҳәазшәа, цәгьашақә дыҟазшәа» лнарбеит. Даҽа интервиук аҿы лара илҳәеит, имаҵ шылымуз, избанзар «иара узҵымӡаауа агәнаҳа иеиԥш дҿаасҭан, иҟазшьа бааԥсын, насгьы арыжәтә афҩы ихышәшәон» ҳәа.<ref name="CNN">{{cite web|url=http://www.cnn.com/WORLD/9708/04/obit.oldest/|title=World's oldest person dies at 122|date=1997-08-04|publisher=CNN|lang=en|access-date=2013-11-24|archive-url=https://web.archive.org/web/20140322033130/http://www.cnn.com/WORLD/9708/04/obit.oldest/|archive-date=2014-03-22|url-status=live}}</ref><ref name=" chocolates">{{статья|автор=Morris D.|заглавие=Alcohol, cigarettes, chocolates and sweets - The secrets of a long life?|ссылка=http://www.dailymail.co.uk/femail/article-1008681/Alcohol-cigarettes-chocolates-sweets--The-secrets-long-life.html|язык=en|издание=[[Daily Mail]]|тип=газета|год=2008|archive-url=https://web.archive.org/web/20140121155138/http://www.dailymail.co.uk/femail/article-1008681/Alcohol-cigarettes-chocolates-sweets--The-secrets-long-life.html|archive-date=2014-01-21|издательство=DMG Media}}</ref> жьҭаарамза 25, 1888 шықәса рзы Поль Гоген Арльҟа нхара диасит, аҿыханҵа «Аҩадатәи аҟазарҭа» аиҿкаара аидеиа алацәажәаразы. Аха, ҭынч изымеицәажәеит, аимакқәеи аисрақәеи рахь ииасит: Гоген ван Гог ҭакԥхықәрада аус дазнеиуеит ҳәа азиԥхьаӡеит, ван Гог иакәзар Гоген иаку аҿыханҵа аидеиа шԥаизеилымкааи ҳәа иџьеишьон. Аҵыхәтәаны, Арль ҭынч аусура згәы иҭаз Гоген, уи анизымыԥшаа, дықәҵны дцарц иӡбеит. Ԥхынҷкәынмза 23 ахәылбыҽха, иҩызеи иареи ҩаԥхьа ианеис ашьҭахь, ван Гог иҩыза адалақь кны дизыҵҟьеит. Гоген машәыршәа ауп Винсент дышникылаз. Ари аимак-аиҿак иазку аҵабырг иахьанӡагьы инҭкааны еилкаам, Гоген дышижәлаз аҭагылазаашьақәагьы убрахь иналаҵаны(ахәҭакахьала, ван Гог Гоген дшыцәаз ауп дышиқәлаз ҳәа аверсиа ыҟоуп, аҵыхәтәантәи ианаамҭаз дахьҿыхаз ауп аԥсра дацәызыхьчаз ҳәа), уи аухаҵәҟьа ван Гог илымҳаҟатара ԥиҟеит.<ref>{{Статья|ссылка=https://pmc.ncbi.nlm.nih.gov/articles/PMC539517/|автор=Cohen B.|заглавие=A tale of two ears|год=2003|язык=en|издание=J R Soc Med|тип=Journal|номер=96(6)|archive-date=2025-01-14|archive-url=https://web.archive.org/web/20250114112346/https://pmc.ncbi.nlm.nih.gov/articles/PMC539517/}}</ref><ref>{{Cite web|url=https://reshenie.vcc.ru/magazine/issues/a762020/view/article/1557587|title=Ван Гог — художник с раненым сердцем|lang=ru|website=Журнал «Решение вместе с Decision»|access-date=2025-01-14|archive-date=2025-01-14|archive-url=https://web.archive.org/web/20250114112353/https://reshenie.vcc.ru/magazine/issues/a762020/view/article/1557587|url-status=live}}</ref> Зегьы ирыдыркыло аверсиа инақәыршәаны, ван Гог иҩыза изиуыз ацәгьара дахьахьхәыз азы иҟаҵеит; иара убас, аҵарауаа џьоукы ван Гог ихымҩаԥгашьа дахьымхәӡеит, [[абсент]] лассы-лассы иахьижәуаз азы, ихы ахьеилаԥсаз ауп иҟаиҵаз зыхҟьаз ҳәа рыԥхьаӡоит. Уи ауха Гоген ихаҭа ван Гог дихәит, иара адалақь кны данизыҵҟьа- ҳәа даҽа версиакгьы ыҟоуп. Гоген аҳәеилышьра дазҟазан, [[Рапира|арапирала]] ван Гог иарӷьа лымҳаҟатара ҿахиҵәан, иабџьар аӡиас иалеижьит ҳәа.<ref>{{Cite web|url=https://style.rbc.ru/repost/5fa146429a7947fab6ef1a59|title=Ученые предложили новую версию истории с отрезанным ухом Ван Гога|website=РБК Стиль|access-date=2025-01-14|archive-date=2025-01-14|archive-url=https://web.archive.org/web/20250114112348/https://style.rbc.ru/repost/5fa146429a7947fab6ef1a59|url-status=live}}</ref><ref>{{Cite web|url=https://azbukamedia.com/verojatno-pravda-van-gog-sam-sebe-otrezal-uho/|title=Ван Гог сам себе отрезал ухо: вероятно правда! - Azbuka media|lang=ru-RU|last=|date=2024-03-09|access-date=2025-01-14|archive-date=2025-01-14|archive-url=https://web.archive.org/web/20250114112348/https://azbukamedia.com/verojatno-pravda-van-gog-sam-sebe-otrezal-uho/|url-status=live}}</ref><ref>{{Cite web |url=https://www.independent.co.uk/arts-entertainment/art/news/was-truth-the-biggest-casualty-in-the-case-of-vincent-and-his-severed-ear-1678988.html |title=Was truth the biggest casualty in the case of Vincent and his severed ear |access-date=2021-10-04 |archive-date=2021-10-04 |archive-url=https://web.archive.org/web/20211004190715/https://www.independent.co.uk/arts-entertainment/art/news/was-truth-the-biggest-casualty-in-the-case-of-vincent-and-his-severed-ear-1678988.html |url-status=live }}</ref> Адырҩаҽны, ԥхынҷкәынмза 24 рзы, Винсент апсихиатриатә хәышәтәырҭахь дыргеит, уаҟа [[эпилепсия височных долей|ичымазара]] даҽазныкгьы ӷәӷәала ахы цәырнагеит, уи иахҟьаны аҳақьымцәа зхы зызнымкыло ахеилагацәа рпалатахь диаргеит. Тео иҟалаз атәы иаҳәаны, Гоген ахәшәтәырҭаҿы ишьҭаз ван Гог дымбаӡакәа, ирласны Арль аанижьит. Аремиссиа аамҭақәа раан, Винсент иҟазарҭахь доурыжьларц аҳәара ҟаиҵон, уаҟа иусура иациҵарц азы, аха Арль ауааԥсыра ақалақь ахада иахь ашәҟәы рҩит, ауааԥсыра зхы еиқәшәам аҟаза ицәырыхьчарц азы. Ван Гог Арль азааигәара иҟаз, [[Сен-Реми-де-Прованс|Сен- Реми-де-Прованс]] игылаз зыпсихьика еилагоу ауаа рхәышәтәырҭа Сен- Поль дышьҭаларц идыргалеит, уахь Винсент лаҵарамза 3, 1889 шықәсазы дцеит. Уаҟа иара шықәсык дыҟан, ааԥсарак ҟамҵаӡакәа асахьа ҿыцқәа рҭыхра даҿын. Уи аамҭа иалагӡаны иара иаԥиҵеит шәи ҩынҩажәи жәаба инареиҳаны асахьаҭыхымҭақәеи, шәкы инарзынаԥшуа асахьаҭыхымҭақәеи акварельқәеи. Усҟантәи аамҭазы еиҳарак иҭихуаз анатиурмортқәеи апеизажқәеи ракәын, урҭ еиԥшымзаарас ирымаз анервтә ҭынчымреи адинамизми ракәын. (« [[Звёздная ночь|Еҵәала иҩычоу аҵх]]», 1889, еиҿагыло аԥштәқәа рхархәара, зны-зынла, атонбжақәа рхархәара («Азеиҭынҵлақәа рпеизаж» 1889 Џь. Г. Уитни еизгамҭа, Ниу-Иорк; « [[Пшеничное поле с кипарисом|Акипарисқәа зықәгылоу ачарыц дәы]]». 1889. Метрополитен амузеи. Ниу- Иорк. 1889 шықәса анҵәамҭазы иара ааԥхьара ирҭеит «[[Общество XX|Ҩажәаҩык ргәыԥ]]» захьӡыз Бриуссельтәи ацәыргақәҵахь, уаҟа иаразнак аҟаза иусумҭақәа рахь иколлегацэеи аҟазара абзиабаҩцәеи азҿлымҳара рызцәырҵит. Аха уажәшьҭа уи ван Гог дамыргәырӷьеит, дшамеигәырӷьаз еиԥш исахьа «Арль иҟоу аӡахәаҭра ҟаԥшьқәа» иазкны, 1890 шықәса, ажьырныҳәамзазы иҭыҵыз ажурнал «Меркиур де Франс» ианылаз Альберт Орие ииҩыз, аҟаза дахьирҽхәоз астатиагьы..<ref name=bioworld>{{cite web|url=http://vangogh-world.ru/vangogh-biography.php|title=Винсент Ван Гог. Биография. Жизнь и творчество|publisher=|access-date=2012-04-24|lang=ru|archive-url=https://web.archive.org/web/20120607195303/http://vangogh-world.ru/vangogh-biography.php|archive-date=2012-06-07|url-status=live}}</ref> 1890 шықәса ааԥынразы, аҟаза Париж азааигәара иҟаз [[Овер-сюр-Уаз|Овер-сиур-Уаз]] захьӡыз аҭыԥахь нхара диасит, уаҟа ауп ҩышықәса ирылагӡаны раԥхьаӡа акәны иашьеи иҭаацәеи анибаз. Асахьаҭыхҩы ирҿиара даҿын, аха аҵыхәтәантәи иҭыхымҭақәа рстиль зынӡа аҽаԥсахит, иаҳагьы угәы казыжьуа ракәны иҟалеит. Иусумҭаҿы аҭыԥ хада ааныркыло иалагеит, еиуеиԥшым амаҭәарқәа дырӷәӷәошәа икьынаау аконтурқәа («[[дорога с кипарисом и звездой|Акипарис ҵлақәа ахьгылоу ақыҭа мҩа]]», 1890, Криоллер-Миуллер имузеи, Оттерло; «Овер иҟоу амҩеи амардуани», 1890, Сент- Луис Ақалақь аҟазара амузеи; « [[Пейзаж в Овере после дождя|Овертәи апеизаж ақәоура ашьҭахь]]», 1890ш, А. С. Пушкин ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә аҿыханҵатә музеи, Москва). Винсент ихатә ԥсҭазаараҿы аҵыхәтәантәи хҭыс лашаны иҟалеит асахьаҭыхра бзиа избоз аҳақьым Поль Гашеи иареи реибадырра. [[Афаил:Van Gogh deathbed.jpeg|мини|200px|"Ван Гог аԥсра данаҿыз." [[Гаше, Поль|Поль Гаше]] иҭыхымҭа]] ԥхынгәымза 1890 шықәсазы ван Гог еицырдыруа исахьа ҭихит “ [[Пшеничное поле с воронами|ачарыц дәи аҟәараанқәеи]] ” (Ван Гог имузеи, Амстердам). Ԥхынгәымза 27 рзы, ван Гог асахьаҭыхразы аматериалқәа иманы [[пленэр|ныҟәара]] ҳәа дахьындәылҵыз, ареволвер ала игәы деихсуеит (даҽа версиак ала- ашәақь ала) аха ахы игәы акәымкәа, иныҵакны иаахеит. Уи иабзоураны иара ихала дахьынхоз асасааирҭа ауада аҟынӡа днеит. Асасааирҭа зтәыз аҳақьым диԥхьеит, уи ахәра гәеиҭеит, Теогьы адырра ииҭеит, иашьа адырҩаҽныҵәҟьа дааит, Винсент иԥсҭазаара далҵаанӡа ихала даанимыжьит, аҟаза ихы данеихс 29 сааҭ рышьҭахь ашьа рацәаны иахьицәцаз аҟынтә (1:30 сааҭ рзы, ԥхынгәымза 29, 1890ш) идунеи иԥсахит.<ref>Бейли, 2019, 171.</ref> 2011ш, жьҭаарамзазы, аҟаза иԥсра иадҳәалоу альтернативтә версиа цәырҵит: америкатәи аҟазара аҭоурыхҭҵааҩцәа Стивен Наифехи Грегори Уаит Смити иҟарҵаз агәаанагара ала, ван Гог иааиԥмырҟьаӡакәа арыжәтә ицызжәуаз аҷкәын хбыџқәа руаӡәык дишьит ҳәа.<ref>{{Cite web |url=http://www.rnw.nl/english/bulletin/vincent-van-gogh-%E2%80%9Cshot-dead-two-boys%E2%80%9D |title=Vincent van Gogh «shot dead by two boys» |access-date=2011-10-17 |archive-url=https://web.archive.org/web/20111017083156/http://www.rnw.nl/english/bulletin/vincent-van-gogh-%E2%80%9Cshot-dead-two-boys%E2%80%9D |archive-date=2011-10-17 |url-status=dead }}</ref> Тео излаиҳәо ала, аҟаза аҵыхәтәантәи иажәақәа ракәын: ''La tristesse durera toujours'' ("Алахьеиқәра наӡаӡа иҟазаауеит"). Винсент ван Гог анышә дамардеит [[Овер-сюр-Уаз|Овер-сиур-Уаз]] ԥхынгәы мза 30 рзы. Асахьаҭыхҩы аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргеит иашьеи иҩызцәа ԥыҭҩыки. Аԥсыжра ашьҭахь, Тео Винсент иусумҭақәа рцәыргақәҵа аиҿкаара далагеит, аха анерв чымазара ихьын, шықәсыбжак ашьҭахь, ажьырныҳәамза 25, 1891шықәсазы, Голландиа дыԥсит. 23 шықәса рышьҭахь, 1914 рзы, иԥшәма ԥҳәыс иԥсыбаҩ ааганы Винсент иԥсыжырҭа иавалжит.<ref name="TvGletter">{{cite web|url=http://www.webexhibits.org/vangogh/letter/21/etc-Theo-Lies.htm|title=Letter from Theo van Gogh to Elisabeth van Gogh Paris, 5 August 1890|first=Theodorus|quote=he said, "La tristesse durera toujours" [The sadness will last forever]|publisher=Webexhibits.org|access-date=2015-04-28|last1=van Gogh|archive-url=https://web.archive.org/web/20110624060011/http://www.webexhibits.org/vangogh/letter/21/etc-Theo-Lies.htm|archive-date=2011-06-24|url-status=live}}</ref><ref>Hayden, 2003, 152; Van der Veen, 2010, 260–264.</ref><ref>Sweetman, 1990, 367.</ref> == Иҭынха == === Исахьаҭыхымҭақәа ҳаҭыр рықәҵареи рыҭиреи === [[Афаил:Vincent Van Gogh 0013.jpg|мини|''Тарасконҟа амҩа иану асахьаҭыхҩы'', нанҳәамза 1888ш, Винсент ван Гог [[Монмажур|Монмажур]] азааигәара амҩаҿы, ақәатәа, ахәшашәыга, 48 x 44 см, [[Магдебург|Магдебургтәи]] ԥасатәи амузеи; [[Вторая мировая война|Аҩбатәи Адунеизегьтәи аибашьра]]ан асахьа амцабз иалаблит ҳәа агәаанагара ыҟоуп.]] Еицырдыруа ииашам гәаанагароуп ван Гог иԥсы ахьынӡаҭаз иҭихыз сахьа заҵәык ауп ирҭииз ҳәа, «[[Красные виноградники в Арле|Арль иҟоу аӡахәаҭра ҟаԥшьқәа]]». Ари асахьа раԥхьаӡа акәны аԥара ду зыхҭнырхыз акәхеит (1889 шықәса анҵәамҭазы Бриуссельтәи ацәыргақәҵаҿы; асахьа ахә 400 франк артәеит). 1882 шықәса инаркны иԥсы ахьынӡаҭаз ирҭииз аҟаза иусумҭақәа 14 ртәы зҳәо адокументқәа аанханы иҟоуп (уи атәы Винсент иашьа Тео изиҩхьан: «Раԥхьатәи ауасахәыҷы ацҳа иқәсит»), амала ииашаҵәҟьаны, иҭыхымҭақәа еиҳаны ирҭиир акәын.<ref>''Григорий Козлов''. [http://www.vokrugsveta.ru/vs/article/3966/ Легенда о Ван Гоге] {{Асаит архивтәра|url=https://web.archive.org/web/20140928175640/http://www.vokrugsveta.ru/vs/article/3966/ |date=2014-09-28 }} // [[Вокруг света (журнал)|Вокруг света]].</ref> 1880-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы раԥхьатәи исахьақәа рцәыргақәҵа ашьҭахь, иколлегацәеи, аҟазараҭҵааҩцәеи, аколлекционерцәеи рыбжьара ван Гог ихьӡ-иԥша еизҳауа иалагеит. Иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь [[Брюссель|Бриуссель]], [[Париж|Париж]], [[Гаага|Гаага]], [[Антверпен|Антверпен]] ақалақьқәа рҿы амемориалтә цәыргақәҵақәа еиҿкаан. XX-тәи ашәышықәса алагамҭазы Париж аретроспективақәа мҩаԥган (1901, 1905), [[Амстердам|Амстердам]] (1905), иара убас кры зҵазкуаз ацәыргақәҵақәа [[Кёльн|Кельн]] (1912), [[Арсенальная выставка|Ниу-Иорк]] (1913), [[Берлин|Берлин]] (1914). Уи анаҩс еиҵагылоз асахьаҭыхҩцәа анырра ду рынаҭеит. XX-тәи ашәышықәса азбжазы, Винсент ван Гог аҭоурых аҿы иреиҳаӡоу, еицырдыруа асахьаҭыхҩцәа дыруаӡәкны дрыԥхьаӡо иалагеит. 2007 шықәсазы, голландиатәи аҭоурыхҭҵааҩцәа ргәыԥ "'[[Канон голландской истории|Голландиатәи аҭоурых аканон]]'" еиқәдыршәеит ашколқәа рҟны иддырҵаларц азы, уа ҩынҩажәижәаба тема рахьтә акы ван Гог изыркит, егьырҭ амилаҭтә символқәа [[Рембрандт|Рембрандт]]и асахьаҭыхратә гәыԥ «[[Стиль (группа)|Стили]]» реиԥш иҟаз днарываргыланы.<ref>''John Rewald''. Studies in Post-Impressionism{{In lang|en}} / The Posthumous Fate of Vincent van Gogh 1890—1970, p. 244—254, published by Harry N. Abrams 1986, ISBN 0-8109-1632-0.</ref><ref>''Dorn, Roland, Leeman, Fred & alt.'' Vincent van Gogh and Early Modern Art, 1890—1914 (exh. cat). Essen & Amsterdam, 1990. ISBN 3-923641-33-8{{In lang|en}} ISBN 3-923641-31-1{{In lang|de}} ISBN 90-6630-247-X{{In lang|nl}}.</ref><ref>''Rewald, John''. The posthumous fate of Vincent van Gogh 1890—1970{{In lang|en}}. ''Museumjournaal'', August-September 1970. Republished in Rewald (1986), 248.</ref><ref>[https://books.google.com/books?id=GVIEAAAAMBAJ&pg=PA82&dq=is+Vincent+van+Gogh+the+greatest+painter&hl=en&ei=c9AtTNSMNsL38AbzgpT7Ag&sa=X&oi=book_result&ct=result&resnum=2&ved=0CDoQ6AEwAQ#v=onepage&q=is%20Vincent%20van%20Gogh%20the%20greatest%20painter&f=false Vincent van Gogh The Dutch Master of Modern Art has his Greatest American Show]{{In lang|en}}, ''Life Magazine'', 10 October 1949, p. 82—87.</ref><ref>[http://www.nga.gov/education/classroom/self_portraits/bio_van_gogh.shtm National Gallery of Art, Washington DC] {{Асаит архивтәра|url=https://web.archive.org/web/20130402070238/http://www.nga.gov/education/classroom/self_portraits/bio_van_gogh.shtm |date=2013-04-02 }}{{In lang|en}}.{{Анеишьа амам азхьарԥш|число=14|месяц=05|год=2013}}.</ref><ref>{{cite web |title = The Canon of the Netherlands |work = De Canon van Nederland |lang = nl |publisher = Foundation entoen.nu |date = 2007 |url = http://entoen.nu/default.aspx?lan=e |archive-url = https://www.webcitation.org/69yVejUI3?url=http://entoen.nu/default.aspx?lan=e |archive-date = 2012-08-17 }}</ref> [[Пикассо, Пабло|Пабло Пикассо]] иусумҭақәа инарываргыланы, аукционқәеи хаҭалатәи аҭирақәеи рҟынтәи агәаҭарақәа инарықәршәаны, ван Гог иусумҭақәа адунеи аҿы [[Список самых дорогих картин|зегь реиҳа зыхә ҳаракқәоу]] иреиуоуп, 100 миллион инареиҳаны (2011 шықәсазтәи аеквивалент инақәршәаны) иҭииз рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп: «[[Портрет доктора Гаше|Аҳақьым Гаше ипортреҭ]]», «[[Портрет почтальона Жозефа Рулена|Аԥошьҭаныҟәгаҩ Жозеф Рулен ипортреҭ]]», «[[Ирисы (картина Ван Гога)|Аирисқәа]]». “[[Пшеничное поле с кипарисами|Акипарис ҵлақәа ахьгыло ачарыц мыхурсҭа]]” 1993 шықәсазы 57 миллион доллар ҳәа иҭиин, уи аамҭазы уи даараӡа ахә ҳаракын ҳәа иԥхьаӡоуп, насгьы иара иҭыхымҭа “[[Автопортрет с отрезанным ухом и трубкой|Алымҳа ԥҟани аҭаҭыныжәгеи зну ахатәы портреҭ]]” 1990-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы иҭиин. Уи ахәԥса 80-90 миллион доллар рҟынӡа инеиуан. Ван Гог иҭыхымҭа "[[Портрет доктора Гаше|Аҳақьым Гаше ипортреҭ]]" аукцион аҿы 82,5 миллион доллар ҳәа ирҭиит. «Ицәаӷәоу амыхурсҭеи ацәаӷәаҩи» Ниу-Иорктәи аукционтә ҩнаҿынтә 81,3 миллион доллар ҳәа ирҭиит.<ref>''Andrew Decker''. [http://www.artnet.com/magazine_pre2000/features/decker/decker11-4-98.asp {{Асаит архивтәра|url=https://web.archive.org/web/20110725001800/http://www.artnet.com/magazine_pre2000/features/decker/decker11-4-98.asp |date=2011-07-25 }} The Silent Boom{{In lang|en}}, ''Artnet.com''.</ref><ref>[http://www.tiptoptens.com/2011/07/16/top-10-most-expensive-paintings/ «Top 10 Most Expensive Paintings»]{{In lang|en}}, ''TipTopTens.com''. {{webarchive|url=https://web.archive.org/web/20130317003143/http://www.tiptoptens.com/2011/07/16/top-10-most-expensive-paintings/ |date=2013-03-17 }}.</ref><ref>''G. Fernández''. [https://theartwolf.com/art-market/most-expensive-paintings/ The Most Expensive Paintings ever sold] {{Асаит архивтәра|url=https://web.archive.org/web/20210609221652/https://theartwolf.com/art-market/most-expensive-paintings/ |date=2021-06-09 }}{{In lang|en}}, ''TheArtWolf.com''.</ref><ref>{{cite web |url=http://vangogh-world.ru/ |title=Винсент Ван Гог |website=Мир Ван Гога |access-date=2012-04-24 |lang=ru |archive-url=https://web.archive.org/web/20120607042553/http://vangogh-world.ru/ |archive-date=2012-06-07 |url-status=live }}</ref><ref>[http://tass.ru/kultura/4725770 Картину Ван Гога продали на аукционе в США за $81,3 млн] {{Асаит архивтәра|url=https://web.archive.org/web/20171114191149/http://tass.ru/kultura/4725770 |date=2017-11-14 }}.</ref> Лаҵарамза 14, 2021 шықәсазы [[Ниу-Иорк|Ниу-Иорк]] ақалақь «[[Кристис]]» аукцион аҿы, аимпрессионист иҭыхымҭа "Тренктаи ацҳа" 39 миллион доллар инарыцны ирҭиит.<ref>[https://tass.ru/kultura/11370693 Картину Ван Гога продали на аукционе за $39,2 млн] {{Асаит архивтәра|url=https://web.archive.org/web/20210514021038/https://tass.ru/kultura/11370693 |date=2021-05-14 }}.</ref> 2025 шықәсазы аҟаза иҭыхымҭа “Парижтәи ароманқәеи аҵәца иҭагыло агәили ” Ниу-Иорктәи аукцион Сотбис аҟны 62,7 миллион доллар ҳәа ирҭиит.<ref>{{Cite web|access-date=2025-11-27|date=2025-11-27|lang=ru|title=В США картина Ван Гога ушла с молотка за $62,7 млн - Газета.Ru {{!}} Новости|url=https://www.gazeta.ru/culture/news/2025/11/21/27240259.shtml|website=Газета.Ru}}</ref> === Анырра === Тео иахь ииҩыз аҵыхәтәантәи исаламшәҟәаҿы Винсент ахшара ахьимамыз азы, исахьаҭыхымҭақәа ихылҵшьҭрақәа реиԥш дшырзыҟаз атәы иҩуан. Аҭоурыхҭҵааҩ [[Саймон Шама|Саимон Шама]] уи дазхәыцуа алкаа ҟаиҵеит «иашаҵәҟьаны ахшара диман — [[экспрессионизм|аекспрессионизм]], насгьы ахылҵшьҭра рацәаны» ҳәа. Шама ван Гог истиль аелементқәа зхы иазырхәаз асахьаҭыхҩцәа рацәаҩны рыӡбахә иҳәоит, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп [[Кунинг, Виллем де|Уиллем де Кунинг]], [[Говард Ходжкин|Говард Хоџькин]], [[Поллок, Джексон|Џьексон Поллок]]. [[Фовизм|Афовистцәа]] аԥштәи ахархәара аҳәаақәа дырҭбааит, «[[Die Brücke]]» агәыԥ аҟынтәи анемец експрессионистцәеи, егьырҭ заатәи [[модернизм|амодернистцәеи]] реиԥш. 1940-1950-тәи ашықәсқәа рзы иҟаз [[Абстрактный экспрессионизм|абстракттә експрессионизм]] Ван Гог иҭыхымҭақәа рҷыдарақәа анырра анаҭеит ҳәа ԥхьаӡоуп. Аҟазараҭҵааҩ Сиу Хаббард аӡыргара ''Винсент ван Гоги аекспрессионизми" иазкны абас иҳәоит:<ref>''Schama, Simon''. Wheatfield with Crows{{In lang|en}}. Simon Schama’s Power of Art, 2006. Documentary, from 59:20.</ref><ref>[http://www.tate.org.uk/collections/glossary/definition.jsp?entryId=102 "Glossary: Fauvism]{{In lang|en}}, Tate. {{Wayback|url=http://www.tate.org.uk/collections/glossary/definition.jsp?entryId=102 |date=20100517015050 }}.</ref><ref>''David Minthorn''. [https://www.usatoday.com/travel/destinations/2007-03-22-van-gogh-new-york_N.htm NYC exhibit highlights van Gogh’s impact on German modernists]{{In lang|en}}, USA Today, 2007.</ref> {{Ацитата алагара}} Ҩажәатәи ашәышықәса алагамҭазы Ван Гог аекспрессионистцәа асахьаркыратә бызшәа ҿыц риҭеит, уи хыхь-хыхь акәымкәа, инарҵауланы аҵакы аилкаара алнаршон. Иара убасгьы машәыршәа акәӡам, уи аамҭазы [[Зигмунд Фрейд|Фреид]] [[подсознание|агәынхәҵысҭа]] аҵаулара ахьааиртыз. Ари зеиԥшыҟам иҟәышу ацәыргақәҵа Ван Гог ихәҭоу аҭыԥ аҿы днанагоит: [[Искусство модернизма|амодерн аҟазара]] амҩа аартҩы иҭыԥ аҿы. {{oq|en|At the beginning of the twentieth century Van Gogh gave the Expressionists a new painterly language which enabled them to go beyond surface appearance and penetrate deeper essential truths. It is no coincidence that at this very moment Freud was also mining the depths of that essentially modern domain -the subconscious. This beautiful and intelligent exhibition places Van Gogh where he firmly belongs; as the trailblazer of modern art.}} {{Ацитата алгара|источник=Hubbard, Sue. «[http://www.suehubbard.com/sue-hubbard-on-vincent-van-gogh.htm Vincent Van Gogh and Expressionism]». ''Independent'', 2007}} 1957 азы, абританиатә сахьаҭыхҩы [[Бэкон, Фрэнсис (художник)|Френсис Бекон]] (1909-1992) ван Гог иусумҭа «Тарасконҟа амҩа иқу асахьаҭыхҩы» арепродукциа шьаҭас иҟаҵаны, аоригинал Аҩбатәи Адунеизегьтәи аибашьраан иқәхын, иусумҭақәа рсериа аԥиҵеит. Бекон арҿиаразы агәаҳәара изҭаз асахьа мацара акәӡамызт, ван Гог ихаҭагьы, Бекон «итәымуаҩу, имыцху ауаҩы» ҳәа диԥхьаӡон —уи Бекон усҟантәи игәалаҟазаара иақәшәоз азыҟазаашьа акәын. [[Афаил:Vincent van Gogh standbeeld in Nuenen.jpg|мини|Ниуенен игылоу Ван Гог ибаҟа]] Анаҩс, ирландиатәи асахьаҭыхҩы ван Гог аҟазараҿы итеориақәа ихы рыдикылон, ван Гог иашьа Тео иахь иишьҭыз асаламшәҟәы аҟынтәи ацәаҳәақәа ааигон: “асахьаҭыхҩы иашаҵәҟьақәа амаҭәарқәа шыҟаҵәҟьоу еиԥш акәӡам ишҭырхуа... Урҭ рсахьа ҭырхуеит, избан акәзар дара рхы еиԥш ирбоит.”<ref>''Farr, Dennis; Peppiatt, Michael; Yard, Sally''. Francis Bacon: A Retrospective{{In lang|en}}. Harry N Abrams, 1999. 112. ISBN 0-8109-2925-2.</ref> Жьҭаарамза 2009ш. инаркны ажьырныҳәамза 2010 нӡа, Амстердамтәи [[Музей Винсента Ван Гога|Винсент ван Гог имузеи]] аҿы аҟаза исалам шәҟәқәа ирызку ацәыргақәҵа мҩаԥысит, анаҩс, ажьырныҳәамза анҵәамҭа инаркны мшаԥымза 2010 ш. рҟынӡа, ацәыргақәҵа [[Лондон|Лондонтәи]] [[Королевская академия художеств|Аҟазаратә Академиахь]] ииаган.<ref>[https://gart.gallery/ The Art Newspaper]{{In lang|en}}. {{Wayback|url=https://gart.gallery/ |date=20121120205555 }}.</ref><ref>{{cite web |url=http://www.royalacademy.org.uk/exhibitions/vangogh/ |title=The Real Van Gogh: The Artist and His Letters |lang=en |publisher=Royal Academy of Arts |archive-url=https://www.webcitation.org/69yVfRTIq?url=http://www.royalacademy.org.uk/exhibitions/vangogh/ |archive-date=2012-08-17}}</ref> == Агалереиа == {{main|Винсент Ван Гог исахьақәа рсиа|Винсент Ван Гог иҭыхымҭақәа рсиа}} <gallery class="center" caption="Ахатәы портреҭқәа"> Афаил:Van Gogh self portrait as an artist.jpg|“Ахатәы портреҭ. Асахьаҭыхҩы иеиԥш” (1888) Афаил:Van Gogh self-portrait dedicated to Gauguin.jpg|“Ахатәы портреҭ. [[Гоген, Поль|Поль Гоген]] изкны” (1888) Афаил:VanGogh 1887 Selbstbildnis.jpg|"Ахатәы портреҭ" (1887) Афаил:Autoportrait de Vincent van Gogh.JPG|"Ахатә портреҭ" (1889) Афаил:VanGogh-self-portrait-with bandaged ear.jpg|"Ахатә портреҭ слымҳа ҿаҳәаны" (1889) Афаил:Vincent Willem van Gogh 106.jpg|"[[Автопортрет с отрезанным ухом и трубкой|Ахатә портреҭ слымҳа ҿаҳәаны, аҭаҭыныжәга кны]]" (1889) </gallery> <gallery class="center" caption="«Азараҟьақәа»"> Афаил:Vincent Willem van Gogh 128.jpg|«[[Подсолнухи (Ван Гог)|Азараҟьақәа]]»(1888) Афаил:VanGogh-still-life-four sunflowers.jpg|«Аҩара иаҿу азараҟьақәа ԥшьба» (1887) </gallery> <gallery class="center" caption="«Аирисқәа»"> Афаил:VanGogh-View of Arles with Irises.jpg|Арльи аирисқәеи рсахьа» (1889) Афаил:VanGogh-Irises 1.jpg|[[Ирисы (картина Ван Гога)|Аирисқәа]] (1889) Афаил:VanGogh-Irises 2.jpg|Аирисқәа (1889) Афаил:VanGogh-Irises 3.jpg|Аирисқәа (1890) </gallery> <gallery class="center" caption="Апеизажқәа"> Афаил:Vincent van Gogh - The Rocks - Google Art Project.jpg|[[Валуны и дуб|Ахаҳә дуқәеи аџьҵлеи]] (1888) Афаил:Van Gogh - Terrace of a Café at Night (Place du Forum) 1888.jpg|[[Ночная терраса кафе|Акаҳуажәырҭа атерраса уахынла]] (1888) Афаил:VanGogh-starry night.jpg|"[[Звёздная ночь|Еҵәала иҩычоу аҵх]]" (1889) Афаил:Van Gogh Landscape with carriage and train 1890.jpg|[[Пейзаж в Овере после дождя|Ақәаура ашьҭахь Овертәи апеизаж]] (1890) Афаил:Vincent van Gogh (1853-1890) - Wheat Field with Crows (1890).jpg|[[Пшеничное поле с воронами|Ачарыц мыхурсҭеи аҟәараанқәеи]] (1890) </gallery> <gallery class="center" caption="Апортреҭқәа"> Афаил:Van Gogh - Portrait of Pere Tanguy 1887-8.JPG|[[Портрет Папаши Танги (картина)|Аб Танги ипортреҭ]] (1887) Афаил:Vincent van Gogh - In the café - Agostina Segatori in Le Tambourin - Google Art Project 2.jpg|[[Агостина Сегатори в кафе «Тамбурин»|Агостина Сегатори акаҳуажәырҭа «Тамбурин» аҟны]] (1887) Афаил:Vincent Willem van Gogh 090.jpg|[[Портрет доктора Рея|Аҳақьым Реи ипортреҭ]] (1889) Афаил:Portrait of Dr. Gachet.jpg|[[Портрет доктора Гаше|Аҳақьым Гаше ипортреҭ]] (1890) </gallery> <gallery class="center" caption="Еиуеиԥшым"> Афаил:Vincent Willem van Gogh 037.jpg|[[Прогулка заключённых (картина)|Абаандаҩцәа рнеиааира]] (1889) Афаил:Pink Roses van Gogh.jpg|[[Розовые розы (картина)|Агәилԥшшәы змоу агәилқәа]] (1890) </gallery> == Асахьаҭыхымҭақәа авандализм рзура == 2022 шықәса жьҭаарамзазы, Лондонтәи Амилаҭтә Галереиаҿы, ҩыџьа активисткацәа Ван Гог исахьаҭыхымҭа « [[Подсолнухи (картина Ван Гога)|Азараҟьақәа]]» [[Консервы|аконсервтә]] [[томатный суп|томаттә суп]] рықәырҭәеит. Асахьа 84 миллион доллар иаԥсоуп ҳәа ԥхьаӡоуп. Фиби Пламмер акциа аан, активисткацәа руаӡәык иазгәалҭеит: «Миллионҩыла амла иакуа, ахьҭа иакуа аҭаацәарақәа абылтәы рымаӡам. Урҭ банкак асуԥҵәҟьа рзырԥхаӡом.» Аӡӷабцәа Just Stop Oil ҳәа изышьҭоу агәыԥ иалан, урҭ Твиттер адаҟьаҿы акциа иазку апост анырҵеит. Активисткацәа рфотосахьа атекст ацын: “Аҟазара аԥсҭазаара аасҭа ахә ҳаракума? Афатә аасҭа? Аиашара аасҭа? Ахәԥсақәа рыцлареи аҳауа акризиси абылтәы иадҳәалоуп».<ref>{{Cite web|lang=ru|url=https://www.kommersant.ru/doc/5618304|title=В Лондоне экоактивистки облили томатным супом картину Ван Гога «Подсолнухи»|website=www.kommersant.ru|date=2022-10-14|access-date=2022-10-14|archive-date=2022-10-22|archive-url=https://web.archive.org/web/20221022002833/https://www.kommersant.ru/doc/5618304|url-status=live}}</ref> == Агәаларшәара == [[Афаил:Kirk Douglas - Vincent van Gogh.jpg|мини|190px|[[Кирк Дуглас]] ван Гог ироль наигӡоит «[[Жажда жизни (фильм, 1956)|Аԥсҭазаара азгәышьра]]» аҟны]] * [[Меркури|Меркури]] [[Ван Гог (кратер)|акратер]] ван Гог ихьӡ ахҵоуп. * Асахьаҭыхҩы 1974 шықәсазы иҭрыжьыз Бельгиатәи аԥошьҭатә марка дануп. * Овер-сиур-Уаз ақалақь амҩаду Винсент ван Гог ихьӡ ахҵан, уаҟа аҟаза иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи амзқәа рзы дынхон. * [[Маклин, Дон (певец)|Дон Маклин]] иашәа "[[Vincent (песня)|Винсент]]" Винсент ван Гог изкуп. * Ипортреҭ ахархәара аиуит B£20 [[Банкнота|абанкнотаҿы]] ([[Брикстонский фунт|брикстонтәи афунтқәа]]) раԥхьаӡа акәны 2009 ш. рзы иҭыҵыз.<ref>{{Cite web|lang=en|url=https://turbina.ru/guide/Brikston-Velikobritaniya-126224/Otzyvy/Poleznoe/Mestnye-osobennosti/3/0/-1/Brikstonskiy-funt-87572/|title=Брикстонский фунт|website=Турбина.ру|date=2019-03-21|access-date=2021-05-26|archive-date=2020-02-26|archive-url=https://web.archive.org/web/20200226021949/https://turbina.ru/guide/Brikston-Velikobritaniya-126224/Otzyvy/Poleznoe/Mestnye-osobennosti/3/0/-1/Brikstonskiy-funt-87572/|url-status=live}}</ref> * [[Трофимов, Сергей Вячеславович|Сергеи Трофимов]] иашәа “Ван Гог” аҟаза изкуп. == Дахьаарԥшу акиноқәа == * [[Дуглас, Кирк|Кирк Дуглас]] — «[[Жажда жизни (фильм, 1956)|Аԥсҭазаара агәазыҳәара]]», 1956 * [[Рот, Тим|Тим Рот]] — "[[Винсент и Тео|Винсенти Теои]]", 1990 * [[Скорсезе, Мартин|Мартин Скорсезе]] — «[[Сны (фильм, 1990)|Аԥхыӡқәа]]», 1990 * [[Дютрон, Жак|Жак Диутрон]] — «[[Ван Гог (фильм, 1991)|Ван Гог]]», 1991 * [[Камбербэтч, Бенедикт|Бенедикт Камбербетч]] — « [[Ван Гог (фильм, 2010)|Ван Гог]]», 2010 * [[Карран, Тони|Тони Карран]] — абритантә телесериал «[[Доктор Кто|Аҳақьым Дарбан]]», 2010 [[Доктор Кто (5-й сезон)|ахәбатәи асезон]] [[Винсент и Доктор|ажәабатәи асериа]]. * [[Дефо, Уиллем|Уиллем Дефо]] — «[[Ван Гог. На пороге вечности|Ван Гог. Инарцәымҩа]]", 2018 2017 шықәса рашәарамзазы [[Международный фестиваль анимационных фильмов в Анси|Анси имҩаԥысуаз анимациатә кино жәларбжьаратәи афестиваль]] аҟны иӡырыргеит британиеи, польшеи, америкеи еицҭырхыз амультфильм “[[Ван Гог. С любовью, Винсент|Ван Гог. Бзиабарала, Винсент]]». Ари адунеи аҿы раԥхьаӡатәи зметраж еиҵыху анимациатә фильмуп, аҿыханҵа атехникала иҟаҵоу [[Масляные краски|ахәшашәыгала]] иҭыху, 62,450 кадр зегьы Ван Гог дызлаҭыхуаз астиль ала иҟаҵоуп. Аперсонаж хада ироль наигӡоит польшатәи актиор Роберт Гулачик. == Азгәаҭақәа == {{Reflist|2}} == Алитература == {{refbegin|2}} * [http://apsnyteka.org/file/100_tekstov_na_abkhazskonm_yazyke_2015_abh.pdf «100 текстк аԥсышәала», Аҟәа: Агәыҳалалратә Фонд Аԥсны аҿиара Афонд «Амшра», 2015] * ''Ван Гог.'' Письма / Пер. с голл. — {{Л.}}—{{М.}}, 1966. * {{Книга|ref=Бейли|автор=Бейли, Мартин|заглавие=Неизвестный Ван Гог. Последний год жизни художника|ответственный=Пер. с англ. И. Матвеевой; научная редакция Л. Левицкая|год=2019|место=М.|издательство=Манн, Иванов и Фербер|страниц=224|isbn=978-5-00146-220-0}} * ''Ревалд Дж.'' Постимпрессионизм / Пер. с англ. — Т. 1. — {{Л.}}—{{М.}}, 1962. * ''Перрюшо А.'' Жизнь Ван Гога / Пер. с франц. — {{М.}}, 1973. * {{книга |автор=Эник, Натали. |заглавие=Слава Ван Гога. Опыт антропологии восхищения |ответственный=Пер. с фр. Карена Саркисова |место=М. |издательство=V-A-C press |год=2014 |страниц=384 |isbn=978-5-9904389-6-5 |тираж=1500 }} * {{книга |автор=[[Мурина, Елена Борисовна|Мурина Елена]]. |часть= |ссылка часть= |заглавие=Ван Гог |оригинал= |ссылка= |викитека= |ответственный= |издание= |место=М. |издательство=[[Искусство (издательство)|Искусство]] |год=1978 |том= |страницы= |столбцы= |страниц=440 |серия= |isbn= |тираж=30000 |ref= }} * {{Книга|ref=Найфи, Уайт-Смит|автор=Найфи, Стивен; Уайт-Смит, Грегори|заглавие=Ван Гог. Жизнь: В 2 томах|ответственный=пер. с англ. О. Якименко, Е. Желтовой; под ред. А. Щениковой-Архаровой|год=2016|место=СПб|издательство=Азбука|страниц=672|isbn=978-5-389-06935-0}} * ''Дмитриева Н. А.'' Винсент Ван Гог. Человек и художник. — {{М.}}: Наука, 1980. — 404 с. * ''[[Стоун, Ирвинг|Стоун И.]]'' [[Жажда жизни (книга)]]. Повесть о Винсенте Ван Гоге / Пер. с англ. — {{М.}}: Правда, 1988. * Constantino Porcu. ''Van Gogh. Zijn leven en de kunst''. — Нидерланды, 2004. — (Серия ''Kunstklassiekers'').{{In lang|nl}} * Wolf Stadler. ''Vincent van Gogh''. Amsterdam Boek, 1974. (Серия ''De Grote Meesters''){{In lang|nl}} * Frank Kools. ''Vincent van Gogh en zijn geboorteplaats: als een boer van Zundert''. De Walburg Pers, 1990.{{In lang|nl}} * ''Козлов Г.'' [http://www.vokrugsveta.ru/vs/article/3966/ Легенда о Ван Гоге] // Вокруг света. — 2007. — № 7. * ''Ван Гог В.'' Письма к друзьям / Пер. с фр. П. Мелковой. — {{СПб}}: Азбука; Азбука-Аттикус, 2012. — 224 с. — (Азбука-классика). — 5000 экз. — ISBN 978-5-389-03122-7. * ''Гордеева М., Перова Д.'' Винсент Ван Гог // Великие художники. — Т. 18. — {{К.}}: Комсомольская правда — Украина, 2010. — 48 с. * {{книга |автор=David Sweetman |заглавие=Van Gogh: His Life and His Art |ссылка=https://archive.org/details/vangoghhislifehi0000swee_o1o6 |издательство=Touchstone |год=1990 |isbn=978-0-671-74338-3 |ref=Sweetman }} * {{книга |автор=Deborah Hayden |заглавие=Pox: Genius, Madness and the Mysteries of Syphilis |ссылка=https://archive.org/details/poxgeniusmadness0000hayd |издательство=Basic Books |год=2003 |isbn=978-0-465-02881-8 |ref=Hayden }} * {{книга |автор=Wouter Van der Veen, Peter Knapp |заглавие=Van Gogh in Auvers: His Last Days |издательство=Monacelli Press |год=2010 |isbn=978-1-58093-301-8 |ref=Van der Veen }} {{refend}} == Азхьарԥшқәа == * [http://vangogh-art.ru vangogh-art.ru — Искусство ван Гога]{{Асаит архивтәра|url=https://web.archive.org/web/20200806012135/http://vangogh-art.ru/ |date=2020-08-06 }} * [http://art-vangogh.com/index.html art-vangogh.com — Сайт, посвящённый творчеству и биографии ван Гога] * [https://artrue.ru/style/postimpressionism/vangogh/gollandskij-period-van-goga.html Голландский период ван Гога] * [https://gallerix.ru/album/Vincent-Van-Gogh Полная галерея картин ван Гога] на Gallerix.ru * [https://www.wm-painting.ru/MasterPieces/p19_sectionid/18/p19_imageid/142 Картины ван Гога с описанием]{{dmoz|Arts/Art_History/Artists/G/Gogh,_Vincent_van/|Винсент Ван Гог}} * [https://www.vesti.ru/nauka/article/2483016 Гениальному безумцу Ван Гогу поставили новый диагноз] // [[Вести.ру|Вести]] — Наука, 9 ноября 2020 {{Авторитет змоу адыррақәа}} [[Акатегориа:1853 шықәсазы ииз]] [[Акатегориа:Хәажәкырамза 30 рзы ииз]] [[Акатегориа:1890 шықәсазы иԥсыз]] [[Акатегориа:Ԥхынгәымза 29 рзы иԥсыз]] [[Акатегориа:Винсент Виллем ван Гог| ]] [[Акатегориа:Недерландтәи асахьаҭыхҩцәа]] [[Акатегориа:Недерландтәи ақьырсианцәа]] 3r0qrsbr0rsndpuyfcv81qambd76m12 Ашаблон:М 10 55104 170641 170621 2026-07-28T09:25:39Z Fraxinus.cs 8381 Перенаправление на [[Ашаблон:М.]] 170641 wikitext text/x-wiki #перенаправление [[Ашаблон:М.]] 0wg0knuyia9ti8cfc0homh1yoykqvsf Амассатә информациа ахархәагақәа 0 55106 170642 170624 2026-07-28T09:28:18Z Fraxinus.cs 8381 Дoбaвлeнa [[Акатегориа:Аимадара]] [[ВП:HC|HotCat]] ацхыраарала 170642 wikitext text/x-wiki '''Амассатә информациа ахархәагақәа'''<ref>{{Cite web|access-date = 2015-10-24|title = Печатные СМИ: Заголовки газет, обзоры прессы|url = http://www.zagolovki.ru/|publisher = www.zagolovki.ru|archive-date = 2016-01-11|archive-url = https://web.archive.org/web/20160111225001/http://zagolovki.ru/|url-status = live}}</ref> ([[Акроним|акрон.]] СМИ, [[Массовые коммуникации|амассатә коммуникациа ахархәагақәа]] ([[Аббревиатура|аббрев.]] АКХ) иреиԥшымкәа) — атехникатә хархәагақәа рыла ауаа рацәа рахь [[Передача информации|аинформациа анагаразы]] аиҿкаарақәа реизга; уажәраанӡагьы аурыс бызшәаҿы еиҳа лассы-лассы ахархәара змоу (атермин «амассатә коммуникациа ахархәагақәа» аасҭа) есыҽнытәи апрактикаҿы адыррақәа реизгареи, аус рыдулареи, ауаа рацәа рыларҵәареи рхархәагақәа рзы ахьӡ<ref>Средства массовой информации // [[Большая энциклопедия «Терра»|Большая энциклопедия в 62 томах]]. Т. 47. — М.: Терра. — 2006. — С. 453. ISBN 5-273-00432-2</ref>. [[Файл:28 Aug. 2018 - ITC Executive Director Arancha González is being interviewed by Zeinab Badawi for the BBC’s HardTalk. (44273926572).jpg|мини|Адырраҭара [[HARDtalk]] ателеканал [[BBC World News]] аҟны]] == Аетимологиа == Атермин «''амассатә '''информациа ахархәага»''''' аурыс бызшәаҿы 1970-тәи ашықәсқәа рзы ицәырҵит афранцыз бызшәа moyens d'information de masse аҟынтәи аиҭага аҳасабала. Афранцыз бызшәаҿы ари атермин ахархәара иаҟәыҵит 1960-тәи ашықәсқәа аҩбатәи азбжазы<ref name="Термин">''[[Терин, Валерий Павлович|Терин В. П.]]'' Массовая коммуникация (исследование опыта Запада). — М.: [[Институт социологии РАН]], 1999</ref>. Атермин «АИХ» ҵакыс иамоуп апрессеи, арадиои, ателехәаԥшреи рнырра ахырхарҭакра («хыхьынтәи ҵаҟа»), даҽакала иуҳәозар, урҭ рнырра авторитаризм азы азин ҟанаҵоит<ref name="Термин" />, насгьы аелектронтә коммуникациатә хархәагақәа ирышьашәалаӡом, урҭ вектор хадас ирымоу зегьы рҟынтәи зегьы рахь иаразнактәи аҭакҟаҵара ауп. Атерминқәа «амассатә информациа ахархәагақәа», «амассатә пропаганда ахархәагақәа», «амассатә коммуникациа ахархәагақәа» рыбжьара аиԥшымзаара ыҟоуп, уи урҭ хазы-хазтәи еилкаарақәаны аҟазаара азин рынаҭоит. {{Ацитата алагара}}Акоммуникациа ахырхарҭаҿы ажәабжь аҳасабала, мамзаргьы, хәҭакахьала, аталитикатә материал аҳасабала АИХ рахь иақәшәо зегьы еиҳа-еиҳа ирацәаны агәаҭарақәа ирхысуеит. Аханатә ауаа рацәа рҭахрақәеи адунеи армариареи ирызку атаблоидқәа рпозициа ҳаналацәажәо, уи еилкаауп. Иџьоушьаша апресса ӷәӷәа аеволиуциа ауп, аналитикатә ҟазшьа змоу, ицәанырратәым, ахҭысқәа ыруадаҩны анализ рзызуа, иааҳәны урҭ мырмариакәа, ҵыхәаԥҵәарада аӷацәа аҭакԥхықәра рыдзымҵо. «[[The New York Times]]», «[[Financial Times]]», «[[The Economist]]» рматериалқәа рҿы аемоциатә мотивациа аелементқәа — ари аҵак ду амоуп. Абарҭ рҟны иубарҭоуп апропагандатә клишеқәа хәыҷы-хәыҷла аинтеллектуалцәа рыхшыҩ ишалало... уи «Аибашьра хьшәашәеи» Адунеизегьтәи аибашьрақәеи ирыдҳәалоу аиҿырԥшрахь ухьанарԥшуеит. Армариара ауадаҩреи аеволиуциеи ирҿагылоуп, убри аганахьала Урыстәылатәии аҳәаанырцәтәии АИХ аинволиуциа аганахьа рыхшыҩзышьҭра ҳалацәажәар ҳалшоит. <ref>''[[Гавров, Сергей Назипович|Gavrov S.]]'' Hybrid wars: the archaization of political consciousness and involution of media // [https://doi.org/10.1080/19409419.2017.1323177 Russian journal of communication]. Tom 9, № 2, 2017. PP: 207—210. ISSN: 1940-9419 eISSN: 1940-9427</ref> {{Ацитата алгара}} == Аҭоурых == === Европа === [[Письменность|Аҩыра]] аԥҵахаанӡа, ихадоу аинформациеи ажәабжьқәеи рыладырҵәон [[оратор|ацәажәаҩцәа]], аҳәынҭқарратә [[Гонец (посланник)|цҳаражәҳәаҩцәа]], [[Бирюч|ажәабжьҳәаҩцәа]], [[герольд|агеролдцәа]] уҳәа убас егьырҭгьы. Ақалақь дуқәа рҿы уи маншәаламызт, насгьы алҵшәа маҷын. [[Древняя Греция|Ажәытәтәи Бырзентәыла]] (аҩыра анаԥҵаха ашьҭахь) ахаҳәтә [[Стела|стеллақәеи]] аихатә ҵәаҟьақәеи рхы иадырхәон. [[Государство|Аҳәынҭқарра]] анышьақәгыла ашьҭахь ажәабжь хадақәа агипс ала ихҩаз аӷәқәа рҿы ианырҵон, урҭ зегьы иахьырбарҭаз аҭыԥқәа рҿы, апапирустә бӷьыцқәеи апергаментқәеи рҿы икнарҳауан<ref>Ворошилов В. В. Современная пресс-служба. — М.: КНОРУС, 2013. — 222 с. — ISBN 978-5-406-02887-2.</ref><ref>Ворошилов В. В. Журналистика и рынок: проблемы маркетинга и менеджмента средств массовой информации. — СПб.: СПбГУ, 1997.</ref>. [[Древний Рим|Ажәытәтәи Рим]] аҳәынҭқарратә дҵақәа, аҳәынҭқарратә жәабжьқәа, астрологиатә зԥхьагәаҭақәа, аԥшрақәа уҳәа убас егьи аинформациа аимдаразы рхы иадырхәон ауаажәларратә хыбрақәа рҭыӡқәа, мамзаргьы иҷыдоу аӷәқәа. Ахархәара ашьҭахь урҭ аҭаӡҩырақәа архив ахь ирҵәахуан. [[Гаи Иулии Цезар|Гаи Иули Цезар]] ихаан, а[[сенат]] аӡбамҭақәа аӷәқәа ирнырҵон; аимператор Август ихаан раԥхьаӡакәны хаҭалатәи ахроника аҩра иалагеит. Иара убас есыҽны иҭыҵуан анапылаҩыратә ҭыжьымҭақәагьы, аҳәынҭқарра аԥсҭазаара, ауаажәларратә хҭысқәа, аибашьрақәа, ахәмаррақәа уҳәа ирызку ажәабжьқәа зныз. Урҭ рахь иаҵанакуан есымчыбжьатәи «Ахҭыс ҿыцқәа ирызку анҵамҭақәа» («Commentarius Rerum Novarum»)<ref>Ворошилов В. В. Журналистика: учебник. — М.: КНОРУС, 2013. — 491 с. — ISBN 978-5-406-05961-6.</ref>. 1320 шықәсазы [[Германиа|Германиа]] раԥхьатәи [[бумажная фабрика|ақьаад фабрика]] аԥҵан, уи абзоурала ирласны аинформациа рацәаны акьыԥхьра алыршахеит. [[Столетняя война|Шәышықәсатәи аибашьраан]] раԥхьаӡа акәны ицәырҵит агитациа-пропагандатә кьыԥхьтә ҭыжьымҭақәа. XV-тәи ашәышықәса аҩбатәи абзжазы Европа зегьы ахьынӡанаӡааӡоз [[Типография|акьыԥхьырҭақәа]] аадыртуан, урҭ аинформациа ирацәаны аларҵәараҿы акырӡа ацхыраара ҟарҵон: [[Италиа|Италиа]] (1465 шықәса), [[Швеицариа|Швеицариа]] (1468 шықәса), [[Франциа|Франциа]] (1470 шықәса), [[Бельгиа|Бельгиа]], [[Венгриа|Венгриа]], [[Польша]] (1473 шықәса), [[Чехиа|Чехиа]], [[Англызтәыла|Англиа]] (1482 шықәса), [[Австриа|Австриа]], [[Даниа|Даниа]] (1482 шықәса), [[Швециа|Швециа]] (1483 шықәса). XVI-тәи ашәышықәса алагамҭазы ақалақь дуқәа рҿы иаадыртит аинформациатә биуроқәа, ажәабжьқәа ирласны рыларҵәаразы<ref>Гаврилов К. Как делать сюжет новостей и стать медиатворцом. — СПб.: Амфора, 2007. — ISBN 978-5-367-00469-4.</ref>. Европа раԥхьаӡа иҭыҵуаз агазеҭқәа рахь иаҵанакуеит: «Nieuwe Tijdingen» (1605 шықәса, [[Антверпен]]), «Relation Adler» (1609 шықәса, [[Страсбург]]) иара убас «Aviso-Relation oder Zeitung» (1609 шықәса, [[Аугсбург|Аутсбург]]). Раԥхьатәи есымчыбжьатәи агазеҭ — «Gazette» — [[Париж]] иҭыҵит 1631 шықәсазы, раԥхьатәи есыҽнытәи агазеҭ — «Daily Courant» — [[Лондон]] иҭыҵит 1702 шықәсазы<ref>Алешина И. В. Паблик рилейшнз для менеджеров и маркетеров. — М.: ГНОМ-ПРЕСС, 2003. — 480 с. — ISBN 5-94687-010-6.</ref>. === Урыстәыла === [[Файл:Vesti-1631.jpg|150px|мини|1631 шықәсазы «ажәабжьқәа» раԥхьатәи адаҟьа]] [[Русь|Урыстәыла]] хаҭалатәи апублицистика аҿиара иалагеит XV—XVI-тәи ашәышықәсақәа рҽеиҩшамҭазы [[Иван III Васильевич|Иуан III]] ихаан. [[Иван Грозный|Иуан Грозныи]] ихаан акьыԥхьтә ҭыжьымҭақәа активла рхы иадырхәон ирҿагылоз [[Бояре|аамсҭацәа]] рҿагыларазы. [[Борис Годунов]]и [[Патриарх Московский и всея Руси|апатриарх]] Иови иара убас ашәҟәкьыԥхьратә ус иадгылаҩцәан. Акьыԥхьтә аалыҵқәа зегьы ҳәынҭқарратә [[Монополия|монополиан]], Москватәи [[Московский печатный двор|Акьыԥхьратә шҭаҿы]] иҭрыжьуан. 1678—1783 шықәсқәа рзы мацара ауп Кремль Хыхьтәи атипографиа аус анауаз — [[Симеон Полоцкий|Симеон Полоцки]] илитературатә рҿиамҭақәа рҭыжьразы. Раԥхьатәи икьыԥхьыз ашәҟәи ашықәс раԥхьатәи агазеҭи рыбжьара анапылаҩыратә газеҭқәа ҭыҵуан (1631 шықәса инаркны) — «[[Вести-Куранты|Вестовые письма]]», мамзаргьы «Куранты». Урҭ урысшәала еиҭагоу аҳәаанырцәтәи агазеҭқәа рҟынтәи агәылҩаақәа ракәын (аибашьрақәа, аделегациақәа рыдкыларақәа уҳәа ирызку ажәабжьқәа). Аинформациа «аиҵаҩқәа» ҳәа изышьҭоу ақьаад бӷьыц ҭшәақәа рҿы ианырҵон, урҭ ақьаадыршаҿы иҭадырҷабуан. Ус еиԥш иҟоу агазеҭқәа мызкахьы ҩынтә-ԥшьынтә ҩба-хԥа екземплиар рыла иҭыҵуан. «Куранты» аҳи иааигәара иҟаз ауааи ирзаԥхьон, насгьы [[Приказ тайных дел|Амаӡатә усқәа рыприказ]] аҿы ирҵәахуан (урҭ имаӡаз қьаадқәан)<ref>Горчева А. Ю. Корпоративная журналистика. — М.: Вест-Консалтинг, 2008. — 220 с. — ISBN 978-5-903321-22-3.</ref>. Раԥхьатәи агазеҭқәа XVII—XVIII-тәи ашәышықәсақәа рҽеиҩшамҭазы ицәырҵит. 1702 шықәса, ԥхынҷкәынмза 15 рзы [[Пиотр I дуӡӡа|Петр I]] инапы аҵаиҩит «Москәатәи аҳәынҭқарреи иаакәыршаны иҟоу егьырҭ аҭыԥқәеи рҿы иҟалаз, адырреи агәалашәареи зықәнагоу арратәи егьырҭ аусқәеи ирызку ажәабжьқәа» ркьыԥхьразы, насгьы адырҩаҽны —«аҩныҵҟатәи, аҳәаанырцәтәи ахҭысқәа рзы адырраҭараазы» агазеҭқәа рҭыжьразы. 1755 шықәса ажьырныҳәамзазы [[Академия наук|Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа]] Урыстәыла раԥхьаӡатәи ажурнал ҭнажьит — «[[Ежемесячные сочинения|Ежемесячные сочинения, к пользе и увеселению служащие]]». Раԥхьатәи хаҭалатәи акьыԥхьтә ҭыжьымҭақәа аҭыҵра иалагеит 1750-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы<ref>Гостомыслов А. П. Детская журналистика. — СПб.: Изд-во Михайлова В. А., 2008. — 352 с.</ref>. [[Екатерина II]] лхаан атәыла аҩныҵҟатәи апублицистика аҿиара ду аиуит. Лара лнапхгараҭараан, ирацәаны асоциалтә темақәа ирхьысуаз асатиратә журналқәа ҭыҵуан. 1769 шықәсазы иҭыҵуан «[[Всякая всячина]]», «[[И то и сё]]», «Ни то ни сё в прозе и стихах», «Полезное с приятным», «Поденьщина», «Смесь», «[[Трутень (журнал)|Трутень]]», «[[Адская почта (1906)|Адская почта]]» уҳәа убас иҵегьы<ref>Засурский Я. Н. История печати: антология. — М.: Аспект Пресс, 2008. — Т. 3. — 271 с. — ISBN 978-5-7567-0480-8.</ref>. === ЕАА === [[Файл:Publick-Occurrences-Both-Foreign-and-Domestick (1690-09-25).jpg|150px|мини|Америка раԥхьатәи агазеҭ, 1690 шықәса]] [[Еиду Америкатәи Аштатқәа|Америка]] раԥхьатәи агазеҭ иахьӡын «[[Харрис, Бенджамин (издатель)#«Общественные события как иностранные, так и местные»|Ауаажәларратә хҭысқәа, аҳәаанырцәтәиқәа реиԥш, аҭыԥантәиқәагьы]]» (Publick Occurrences Both Forreign and Domestick). Уи [[Бостон]] ақалақь аҿы 1690 шықәса, цәыббрамза 25 рзы ашәҟәыҭиҩы [[Харрис, Бенджамин (издатель)|Бенџьамин Харрис]] иаԥиҵеит. Актәи аномер аҿы иарбан [[Аиндеицәа|Америка ашьагәыҭтә уааԥсыра]] рыпроблемақәа, уи аколониалтә мчрақәа даараӡа иргәамԥхеит, убри аҟнытә агазеҭ аркын. Анаҩстәи иахьӡын «Бостонтәи ажәабжьҳәаҩ». Уи аԥошьҭаҟаҵаҩ Џьон Кемпбелл 1704 шықәсазы иаԥиҵеит. Анаҩс, 1719 шықәсазы, [[Филадельфия|Филадельфиа]] иҭыҵит «The American Weekly Mercury», 1721 шықәсазы Бостон — «The New-England Courant», 1728 шықәсазы — «The Pennsylvania Gazette». Раԥхьатәи ажурналқәа цәырҵит 1741 шықәсазы: Ендриу Бредфорд и-«The American Magazine», [[Франклин, Бенџьамин|Бенџьамин Франклин]] и-«The General (magazine)»<ref>Шарков Ф. И. Политический консалтинг. — М.: Дашков и Ко, 2004. — 458 с. — ISBN 5-94798-482-2.</ref>. [[Американская революция|Америкатәи ареволиуциа]] аан агазеҭқәа рхархәарала ажәлар рыбжьара ахақәиҭра адоуҳа иаҵгәон, арратә усмҩаԥгатәқәа ргәы азҭарҵон. Абарҭ ашықәсқәа рзы иҭыҵуан «[[The Independent Advertiser]]». Аибашьра анынҵәа, 1787 шықәсазы ирыдыркылеит ареспублика қәыԥш Аконституциа. 1791 шықәсазы Азакәан Хада аԥсахрала ажурналистика ахақәиҭра шьақәырӷәӷәан: «Аконгресс ажәеи апрессеи рхақәиҭра ԥызкуа азакәан ҳәа акгьы аднакылаӡом». XVIII-тәи ашәышықәса анҵәамҭазы ЕАА есыҽнытәи агазеҭқәа 17, иара убас еиуеиԥшым апериодика змоу 200 ҭыжьымҭа ыҟан. Убри аан, дарбанызаалакгьы ихатә кьыԥхьтә ҭыжьымҭа аартра илшон — напыла [[Ручной типографский станок|акьыԥхьга]], ақьаад, аԥара маҷк ракәын иаҭахыз<ref>Ворошилов В. В. Теория и практика массовой информации. — М.: КНОРУС, 2017. — 464 с. — ISBN 978-5-406-05842-8.</ref>. ===XIX-тәи ашәышықәсазы апресса ароль аизҳара === [[Файл:Edward Villiers Rippingille (1798-1859) (possibly) - Reading the Gazette - 94033 - National Trust.jpg|thumb|250px|«Агазеҭ ажәабжьқәа». Едвард Вильиер Риппингхилл иҭыхымҭа, 1820-тәи ашықәсқәа.]] XIX-тәи ашәышықәсазы [[грамотность|аԥхьара-аҩра]] аизырҳара агазеҭқәа рыԥхьаҩцәа рхыԥхьаӡара еизнарҳаит, урҭ ртиражгьы еизҳаит, уигьы еиҳа иарманшәалеит [[Ротационная печатная машина|аротациатә кьыԥхьга машьына]] аԥҵара. Амассатә ԥхьаҩы дҟалеи — алагарҭатә аҵареи аагарҭа маҷи змоу ауаҩы. Агазеҭқәа ртираж аизырҳара иахҟьаны урҭ рҿы [[реклама|аӡыргара]] ахә еиҳахеит, уи иахҟьаны аӡыргара рацәаны изныз агазеҭқәа рыхәхаҭа аасҭа еиҵаны ирҭиуан, насгьы зегьы ироуратәы иҟан. [[электрический телеграф|Афымцатә телеграф]] аԥҵара иалнаршеит ажәабжьқәа ирласны хараӡа рыларҵәара. Агазеҭқәа ажәабжьқәа рыла еиқәзыршәоз [[информационное агентство|аинформациатә телеграфтә агентрақәа]] цәырҵит. Агазеҭқәа анырра ӷәӷәа рызҭо амыруга — «[[четвёртая власть|аԥшьбатәи амчра]]» ракәны иҟалеит<ref>{{Cite web |url=https://rodina-history.ru/2015/03/18/jurnalistika-rodina.html |title=Корни четвёртой власти |archive-date=2025-11-13 |access-date=2026-05-05 |archive-url=https://web.archive.org/web/20251113201052/https://rodina-history.ru/2015/03/18/jurnalistika-rodina.html |url-status=live }}</ref>. ===Арадио, ателехәаԥшра, аинтернет === 1920-тәи ашықәсқәа рзы [[радиовещание|арадиодырраҭара]] аҟалара ажәабжьқәа рыларҵәара еиҳагьы иарццакит. 1940-тәи ашықәсқәа инадыркны [[телевидение|ателехәаԥшра]] алаҵәара иабзоураны, атекст ма абжьы мацара акәымкәа, ахҭысқәа ирызку авидеоинформациагьы аиура алыршахеит. XX-тәи ашәышықәса анҵәамҭазы, [[спутниковое телевидение|амҩанызатәи]] [[кабельное телевидение|акабельтәи]] телехәаԥшра аҿиара абзоурала иҷыдоу ажәабжьтә каналқәа ҟалеит, иааиԥмырҟьаӡакәа уахи-ҽни аус зуаз. Аҵыхәтәаны, [[Интернет|аинтернет]] аҿиареи [[интернет-СМИ|аинтернет-АИХ]] рцәырҵреи ирыбзоураны, уажәтәи аамҭазы ажәабжьқәа иаразнак адунеи зегьы ирылаҵәоит. == Атипологиа == «АИХ» (АКХ, амассатә коммуникациатә хархәагақәа) еиуеиԥшым аҟазшьақәа рыла ахкқәа рыла еихшазар алшоит. === Аларҵәара аҭыԥ === «Амассатә информациатә хархәагақәа» зегьы ари акритериала вертикалла еихшоуп, [[Государство|ҳәынҭқаррак]] [[административно-территориальное устройство|административтә-дгьылҵакыратә еиҿкаара]] инақәыршәаны, насгьы ирбага хаданы иҟоуп иарбоу АИХ зымаҵ руа адгьылҵакыра, уи ахьҭыҵуа аҭыԥ акәымкәа. Убри инақәыршәаны, акласс аҵаҟагьы аихшарақәа ыҟоуп: * атрансмилаҭтә АИХ (даҽакала иуҳәозар, еиуеиԥшым аҳәынҭқаррақәа ртерриториаҿы, жәларбжьаратәи амасштаб аҿы ауаа [[информационные потребности|ринформациатә ҭахрақәа]] иааиԥмырҟьаӡакәа рымаҵ зуа); * амилаҭтә АИХ (атәыла зегьы аҿы мамзаргьы уи аиҳарак аҿы аамҭак азы аус зуа); * арегионалтә АИХ (зымаҵзуратә ҭыԥ аҳәынҭқарра иҷыдоу административтә еилазаара, мамзаргьы ҭоурыхла ишьақәгылоу, ҷыдарақәак змоу атәыла ахәҭак аҵанакуа — иаҳҳәап, [[Урал]], мамзаргьы [[Российская Федерация|Урыстәылатәи Афедерациа]] аганахьала [[Дальний Восток|Харатәи Мрагылара]]); * аҭыԥантәи АИХ (даҽакала иуҳәозар, араионтәи, ақалақьтәи, акорпорациатәи, аиҿкааратәи уҳәа урҭ иреиԥшу). Акьыԥхьтәи (еиҳа имаҷны) аудиовизуалтәи «АИХ» рзы иҷыдоу атенденциа ыҟоуп, уи инақәыршәаны ауааԥсыра егьырҭ зегьы раасҭа арегионалтә массатә информациатә хархәагақәа еиҳа аԥыжәара арҭоит. Уи еиҳарак изыбзоуроу аҭыԥантәи аредакциа ауааԥсыра рҭахрақәа еиҳа инарҭбааны хшыҩзышьҭра рыҭара, еиҳа демократиала ахәԥсатә политика ашьақәыргылара ахьалшо ауп. === Ашьаҭаркҩы === Урыстәылатәи азакәанԥҵара, иаҳҳәап, [[Физическое лицо|афизикатә хаҿқәа]] реиԥш [[Юридическое лицо|аиуристтә хаҿқәагьы]] амассатә информациа ахархәагақәа ирышьаҭаркҩцәаны аҟалара азин рынаҭоит, аԥкрақәа зынӡаск имаҷуп. Урыстәылатәи Афедерациаҿы «АИХ» раԥҵара аԥҟара — ашәҟәҭагаларатә ауп; еиҳа иӷәӷәоу азинҭаратә еиԥшымкәа, ари апроцедура ала, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа АИХ раԥҵаразы арзаҳал шьақәдырӷәӷәоит, насгьы уи аҳасабырбахь иҭарыҩуеит. Арадиоцәқәырԥатә спектр иарбоу аҭаӡарақәа зхы иазырхәо аудиовизуалтә «АИХ» аларҵәаразы азинқьаадгьы рҭахуп. === Аудиториа === {{main|АИХ раудиториа}} АИХ азеиԥштәи ҷыдалатәи ҳәа еиҟәшоуп — аҵыхәтәантәи аҭагылазаашьаҿы урҭ темак иазкуп, убри инақәыршәаны, аудиториа зегьы акәымкәа, уи ахәҭак ауп изызку. Абизнес наплакратә усура ахықәкқәа рзы ахықәкытә аудиториа аилкаара еилыкка иахьыҟоу амассатә коммуникациа ахархәагақәа ҭышәынтәаларак рзаԥнаҵоит, аха урҭ раалыҵқәа [[спрос|рҭахра]] амҽхак армаҷуеит. Асоциологиатә ҭҵаарақәа изларҳәо ала, ажурналистцәа рҭыжьымҭақәа зызку аудиториа иазкны еснагь иахәҭоу аилкаара рымаӡам, уи иалҵшәаны аматериалқәа абжьаратәи аҩаӡара рымоуп, ахаҭарагьы рцәыӡуеит, насгьы АИХ еиҳа-еиҳа еиԥшхоит. === Азакәанра === Амассатә коммуникациа ахархәагақәеи иахьа иҟоу азакәанԥҵареи рыбжьара иҟоу аизыҟазаашьақәа рганахьала, иалыркаауеит изакәантәу АИХ (даҽакала иуҳәозар, [[Закон (право)|закәанла]] азин змоу, ашәҟәҭагалара иахысхьоу, акьыԥхьратә ма аларҵәаратә усурахь инашьҭу), аквазизакәантә (закәанла азин змыхым, аха уи аамҭазы азингьы змам) насгьы изакәантәым (ахьӡ ишаҳәо еиԥш, закәанла азин змам). Амассатә информациатә хархәагақәа изакәантәым акатегориахь риагара мзызс иамазар алшоит (ашәҟәҭагалара асертификатқәа, аларҵәаратә зинқьаадқәа уҳәа раԥыхрала), иаҳҳәап, [[Свобода массовой информации|амассатә информациа ахақәиҭра]] еиуеиԥшым аформақәа рыла ламысдарала ахархәара. Зны-зынла АИХ рҭагалара аҭахӡам — иаҳҳәап, з[[тираж]] зықь цыра еиҵаны иҭыҵуа апериодикатә ҭыжьымҭа акәзар. === Ахаҭабзиара === Амассатә коммуникациатә хархәагақәа русура ахаҭабзиара раԥхьаӡа иргыланы ахшыҩзышьҭра аҭара Мраҭашәаратәи АКХ ртеориа (Мраҭашәара атәылақәеи егьырҭ атәылақәа жәпаки рҿы) еиуеиԥшым афакторқәа рыла иалкаауп — астили архиашьеи, азҵаарақәеи аудиториеи, атиражи аларҵәареи рҷыдарақәа рыла. Убри инамаданы «зхаҭабзиара ҳаракыу» АКХ ирҷыдаҟазшьоуп иаагоу афактқәа уахьынӡазрықәгәыӷуа агәаҭара, иаарԥшу агәаанагарақәа аналитикатә ҟазшьа рымазаара, насгьы аҭыжьымҭақәа рыхәшьарақәеи ртонқәеи рҿы аизыҟазаашьеи аҭынчреи рыҽрызԥышәара. Амассатә АКХ зегь раԥхьаӡа иргыланы адырраҭарақәа ргәырҿыхагатә функциа иазырхоуп, [[Сенсация|асенсациатә]] ҟазшьа змоу аматериалқәа еиҳа еиӷьыршьоит, насгьы ахәаԥшратәи аекспрессивтәи хархәагақәа ахшыҩзышьҭра ду рырҭоит. «Ахаҭабзиара» арбага ахаҭа азанааҭтә ҟазара аҩаӡара ахаҭа акәым иаанаго: амассатә пресса аҭагылазаашьаҿы, астандартқәагьы даараӡа иҳаракхар ауеит, зхаҭабзиара ҳаракыу АКХ рҟны еиԥш иҳаракымзаргьы. Урыстәылатәи ажурналистика, егьырҭ атәылақәа рҿы иҟоу ажурналистика еиԥш, еилаԥсоу анырра ахкы аҷыдаҟазшьоуп, ҭыжьымҭак аҳәаақәа ирҭагӡаны зхаҭабзиара ҳаракуи ипопулиартәуи АКХ рҟазшьа ҷыдақәа аныҟоу. === Акьыԥхьратә ҷыдаҟазшьақәа === Ари ҭагылазаашьаҿы ихадоу — АИХ рлассы-лассра, раларҵәара, ртираж, уи аформат, амҽхак ирызку адыррақәа реизга ауп; уи иақәшәо арбагақәа анырра рырҭоит, иаҳҳәап, адыррақәа реимдара арласразы аҭахрақәа. Апериодика аганахьала, иалкаазар ауеит аҭыжьымҭақәа: есыҽнытәи, есымчыбжьатәи, есымзатәи, ескварталтәи, уҳәа убас иҵегьы. == Амассатә коммуникациатә хархәагақәа рсистема == Хыхь еиқәыԥхьаӡаз амассатә информациа ахархәагақәа рыхкқәа зегьы еицны иаку амассатә коммуникациа ахархәагақәа рсистема шьақәдыргылоит. Еилазаашьала ари асистема х-гәыԥк рыла еихшоуп: * Акьыԥхьтә пресса ([[газеты|агазеҭқәа]], [[журналы|ажурналқәа]]...) * Аудиовизуалтә АКХ ([[радио|арадио]], [[телевидение|ателехәаԥшра]]...) * Аинформациатә маҵзурақәа ([[Информационное агентство|ажәабжьтә агентрақәа]], [[Пресс-служба|апресс-маҵзурақәа]]...) Убасгьы иалкаауп [[Интернет|аинтернет]] ароли аҵаки рызҵаарагьы. Иахьазы аинтернет АКХ рахь иаҵанакуам ҳәа иԥхьаӡоуп, аха уи аганахьала еиуеиԥшым агәаанагарақәа ыҟоуп: зны-зынла [[Киберпространство|акиберҭыԥ]] аҿы ажурналистика АКХ рҟазшьақәа ирықәшәоит ҳәа иԥхьаӡоуп, зны-зынла — иақәшәом ҳәа. Аҵарауаа ахшыҩзышьҭра рырҭоит еиуеиԥшым афакторқәа, урҭ иреиуоуп аинтернет «амассатә информациатә хархәагақәа» закәанла иахьырхыԥхьаӡалам, иара убасгьы АКХ ринтернеттә версиақәа рконсерватизм: аԥхьаҩ амассатә коммуникациа ахархәага дшадҳәалоу аҟазшьа аҽаԥсахӡом — уи аҭалара азнеишьа ауп еиҳа-еиҳа иманшәалахо. Убри аҟнытә, Урыстәылатәи Афедерациаҿы иҟоу амассатә доуҳатә нырра асистема аиқәырхара иазку аурыс ҭҵаарақәа рҿы аинтернет еиҳарак иҷыдоу АКХ, зхатә ԥсабара змоу еиԥш акәымкәа, ишьақәгылахьоу аинформациатә еилазаара хкык аҳасабала иԥхьаӡоуп, уи зегьы, амассатә коммуникациа ахархәагақәа рредакциақәагьы уахь иналаҵаны, рхы иадырхәалар ауп<ref>{{книга|автор=Корконосенко С.Г.|заглавие=Основы журналистики|место=М|издательство=Аспект Пресс|год=2001|страниц=287|isbn=5-7567-0158-3}}</ref>. === Аинтернет-АКХ === {{see also|Аинтернет-журналистика|Аинтернет-ҭыжьымҭа|Ажәабжьтә саит (ажәабжьқәа рсаит)|Аелектронтә журнал}} [[Интернет|Аинтернет]] ацәырҵреи аларҵәареи рыбзоурала, уи ахаҭа еиуеиԥшым аганқәа рыла амассатә коммуникациатә хархәагас ахархәара иалагеит, уи аҳәаақәа ирҭагӡаны атрадициатә коммуникациа ахархәагақәа аусура иалагеит, иара убасгьы иҟалеит [[интернет-СМИ|аинтернет-АКХ]]. Урҭ иаарласны еицырдыруа иҟалеит, аха урҭ раудиториа уажәгьы «атрадициатә» (ус рыхьӡырҵеит) АКХ раасҭа акырӡа имаҷуп. Шамахамзар АКХ зегьы аинтернет аҿы а[[сайт|саитқәа]] рымоуп, урҭ рҟынтәи ирацәоуп еиԥмырҟьаӡакәа иҿыцхо адыррақәа зкьыԥхьуа: ԥҟараны, урҭ еиԥшу аматериалқәа ринтернеттә версиақәа роуп, зны-зынла урҭ иагханы иҭыҵуеит, зны-зынла аматериалқәеи/мамзаргьы архивқәеи рҭаларазы ахә ахшәаатәуп. [[интернет-радио|Аинтернет-радиои]] [[интернет-телевидение|аинтернет-телехәаԥшреи]] ирласны аҿиара иаҿуп. 2017 шықәса жьҭаарамзазы, [[Всероссийский центр изучения общественного мнения|ВЦИОМ]] имҩаԥнагаз аҭҵаара ала, зықәра наӡахьоу аурысцәа ргәыԥ рҟынтә 16% есыҽны аинтернет аҿы агазеҭқәеи ажурналқәеи ирыԥхьоит (онлаинтәи аҭыжьымҭақәа, акьыԥхьтә газеҭқәа релектронтә версиақәа), даҽа 20% мчыбжьык аҩнуҵҟа изныкымкәа ирыԥхьоит. Астатиақәа релектронтә версиақәа еиҳа аԥыжәара рызҭо ареспондентцәа рыхәҭаа 47% аҟынӡа еизҳаит<ref>{{Cite web|url=https://wciom.ru/index.php?id=236&uid=116624|title=Эпоха цифровых медиа: бумага против экрана|author=ВЦИОМ|website=|date=2018-01-10|publisher=|access-date=2018-02-04|archive-date=2018-02-05|archive-url=https://web.archive.org/web/20180205000936/https://wciom.ru/index.php?id=236&uid=116624|url-status=dead}}</ref>. Аинтернет-АКХ рхатәы хашәалахәы еиҳарак [[Реклама|аӡыргара]] аҟынтәи ироууеит, урҭ еиҿкаарак ажәабжьҳәаратә органк аҳасабала аԥара рзоужьра шалшогьы. Аинтернет-АКХ-еи АКХ-еи рыбжьара иҟоу азакәантә еиԥшымзаара азҵаарала атәылақәа жәпакы рҿы ирацәаны аиҿцәажәарақәеи аусеилыргарақәеи мҩаԥысуеит (иаҳҳәап, [[дело Терентьева|Терентиев иус]]). Аинтернет-АКХ рыҿиара иабзоураны, есышықәса ақьаадтә пресса аԥыжәара азҭо ауаа рхыԥхьаӡара маҷхоит. 2009 шықәсазтәи ауаажәларратә ҭҵаарақәа иаадырԥшит 18-инаркны 35-нӡа зхыҵуа [[США|ЕАА]] инхо ауаа рҟынтә 19% мацара ақьаадтә пресса ишаԥхьо. ЕАА ақьаадтә газеҭқәа ирыԥхьо рықәра бжьаратәла 55 шықәса ыҟоуп. ЕАА иҭыҵуа есыҽнытәи агазеҭқәа зегьы ртираж 1989 шықәса инаркны 2009 шықәсанӡа ацыԥҵәахаҿы 62 миллион рҟынтәи 49 миллион рҟынӡа еиҵахеит<ref name="autogenerated20130721-1" />. == Ҳаамҭазтәи ахырхарҭақәа: Аинтернет, амедиаконвергенциа, насгьы «амедиа ҿыцқәа» == {{see also|Амедиа ҿыцқәа}} <blockquote>30 шықәса рышьҭахь, иҟалап «АИХ» ҳәа изышьҭоу аилкаара зынӡагьы иҟамлар. Ҳара уажәнатәгьы ҳхы иаҳархәоит атермин «амедиа» — уи еиҳа иҭбаауп. Асоциалтә еимадарақәеи аелектронтә АИХ аинформациа иахыҵхырҭақәаны иаанхоит, аналитика ақьаадтә газеҭқәеи ажурналқәеи рҿы еизгахоит. Акьыԥхьтә прессаҿы ԥхьаҟатәи аԥеиԥш ҷыдалатәи агазеҭқәеи ажурналқәеи иртәхоит. ''[[Засурский, Ясен Николаевич|И. Н. Засурски]]'', [[Факультет журналистики МГУ|Москәатәи аҳәынҭқарратә университет ажурналистика афакультет]] апрезидент<ref name=":0">{{Cite web|lang=ru|url=https://esquire.ru/rules/85182-pravila-zhizni-yasena-zasurskogo/|title=Правила жизни Ясена Засурского|author=[[Прутцков, Григорий Владимирович]]|website=Журнал Esquire|date=2021-08-01|access-date=2021-08-05|archive-date=2021-08-05|archive-url=https://web.archive.org/web/20210805152240/https://esquire.ru/rules/85182-pravila-zhizni-yasena-zasurskogo/|url-status=live}}</ref>.</blockquote> [[Файл:Apple News iOS 2019.PNG|мини|[[Apple News+]] Ажәабжьқәа рҟәша]] Аинтернет аҿиара абзоурала амассатә информациатә хархәагақәа рыҿиараҿы аҩаӡара ҿыц иалагеит, уи АИХ аконвергенциа апроцесс, мамзаргьы амедиаконвергенциа ҳәа иашьҭоуп. Раԥхьаӡа атрадициатә АИХ (агазеҭқәа, ажурналқәа, ателеканалқәа, арадиостанциақәа) баша ринтернеттә версиақәа ршон. Убри аамҭазы акьыԥхьтәи аларҵәаратәи аналог змам аинтернет-АИХ-гьы цәырҵуан. Анаҩс АИХ рсаитқәа амультимедиатә ресурсқәа рахь ииасуа иалагеит: агазеҭ асаит аҿы икьыԥхьу астатиа аԥхьара мацара акәымкәа, егьырҭ атекстқәеи аудиовизуалтә материалқәеи раиура алшара ҟалеит (ҷыдала, иахьыҟазаалакгьы, ианакәызаалакгьы уззыӡырҩуа а[[подкаст|подкастқәа]] рҭаҩра); ателеканал интернеттә версиа ала ажәабжьқәа рыхәаԥшра мацара акәымкәа, уаҟа иацу ажәабжь аԥхьара. «[[пользовательский контент|Ахархәаҩцәа иҟарҵо аконтент]]» — аԥхьаҩцәеи ахәаԥшцәеи иаарышьҭуа афото-видеоматериалқәа, интернетла абжьыҭирақәеи аҭҵаарақәеи рылҵшәақәа — еиҳа-еиҳа аҵакы роууеит; насгьы аԥхьаҩцәа астатиақәа рзы иҟарҵо азгәаҭақәа. Иҟалеит акомпаниақәагьы (Jukin Media, Storyful) ахархәаҩцәа рвидеоматериалқәа ргәаҭареи рлицензиаҭареи знапы алаку, адунеи аҿы аԥхьагылара змоу [[ведущие СМИ|АИХ]] рҿы реиҭаҭиразы. [[социальная сеть|Асоциалтә еимадарақәа]] рыҿиара иахҟьаны, АИХ асоциалтә еимадарақәа рҿы рхатә даҟьақәа раԥҵара иалагеит. АИХ иара убас асмартфонқәа рзы априложениақәа раԥҵара иалагеит, урҭ рыла офлаин аԥхьара/ахәаԥшра/азыӡырҩразы аконтент аҭаҩра алыршахоит, насгьы ахархәаҩ игәазыҳәарақәа инарықәыршәаны АИХ рматериалқәа реиҿкаара алыршахоит. Ас еиԥш априложениақәа рхархәаҩцәа ирылшоит аконтент еимырдар, аелектронтә ԥошьҭа, [[Facebook]], [[Twitter]] рхы иархәаны<ref>{{Cite web |url=https://cyberleninka.ru/article/n/etapy-razvitiya-protsessa-mediakonvergentsii-v-popytkah-opisat-globalnye-izmeneniya-v-razvitii-smi-s-1990-2015-gg |title=Этапы развития процесса медиаконвергенции (в попытках описать глобальные изменения в развитии сми с 1990—2015 гг.) |archive-date=2024-08-05 |access-date=2024-08-05 |archive-url=https://web.archive.org/web/20240805105847/https://cyberleninka.ru/article/n/etapy-razvitiya-protsessa-mediakonvergentsii-v-popytkah-opisat-globalnye-izmeneniya-v-razvitii-smi-s-1990-2015-gg |url-status=live }}</ref>. Асоциалтә ҳақәа рыбзоурала, ахархәаҩ лассы-лассы «[[френд|иҩызцәа]]» рҟынтәи арепостқәа рыла иарбанызаалак ҭыжьымҭак асаит ахь днеиуеит, насгьы ажурналисттә материал аилкааразы лассы-лассы «аҩыза» ихҳәаа иазааҭгылоит. Убри аан, ас еиԥш иҟоу аларҵәаҩ-«аҩыза» игәыԥ азы бренд хкык еиԥш дҟалоит, агәыԥ азы акыр зҵазкуа атекст ахаҭабзиаразы ашьақәырӷәӷәара ҟазҵо, АИХ ахаҭа абренд уиаҟара аҵакы амаӡам. [[новостной агрегатор|Ажәабжьтә агрегаторцәагьы]] иара убас аҵак ду рыманы иҟалеит — ауаа, иаҳҳәап, «[[Дзен (контентная платформа)|Дзен]]» асаит иҭаланы «иреиӷьу ажәабжьқәа» ахшыҩзышьҭра рырҭоит, еиҳа иргәаԥхо атема алырхуеит, насгьы ари атема иазку АИХ рҟны ажәабжьқәа азхьарԥшқәа ирықәныҟәаны ирыԥхьоит<ref>{{Cite web |url=https://cyberleninka.ru/article/n/internet-smi-i-sotsialnye-seti-etapy-konvergentsii |title=Интернет-сми и социальные сети: этапы конвергенции |access-date=2024-08-05 |archive-date=2024-08-05 |archive-url=https://web.archive.org/web/20240805105849/https://cyberleninka.ru/article/n/internet-smi-i-sotsialnye-seti-etapy-konvergentsii |url-status=live }}</ref>. [[блог|Аблогқәеи]] асоциалтә ҳақәеи рыбзоурала, мышқәаки сааҭқәаки рыла ахала-ентузиастцәа уажәшьҭа атрадициатә АИХ рредакциа еиԥшны иҟалар рылшоит. Аблогери ажурналисти русурақәа рыбжьара иҟоу аҳәаа еиҳа-еиҳа иӡуеит<ref>{{Cite web |url=https://mobile-review.com/all/articles/misc/soczseti-protiv-tradiczionnyh-smi-vojna-ili-net/ |title=Соцсети против традиционных СМИ: война или нет? |access-date=2024-08-05 |archive-date=2024-08-05 |archive-url=https://web.archive.org/web/20240805105847/https://mobile-review.com/all/articles/misc/soczseti-protiv-tradiczionnyh-smi-vojna-ili-net/ |url-status=live }}</ref>. Даҽа ганкахьалагьы, асоциалтә ҳақәа рҿы аинформациа ахьырацәоу иахҟьаны, атрадициатә АИХ рыхьӡ еиӷьхеит. Раԥхьаӡа инаргыланы, ажурналисти аредактори аинформациа аҵыхәтәантәи ахархәаразы ихиоу ахәҭақәа рыла «иԥырҟоит», аха асоциалтә ҳақәа рҿы ажәабжьқәа рлента ҵыхәаԥҵәара амам. Иҩбахаз, асоциалтә ҳақәа аинформациа атематикатә хықәкқәа рыла акәымкәа, аҵакы ала ирышьҭуеит, убри аамҭазы иарбанзаалак АИХ рҟны иҟоу аҟәшақәа реиҿкаашьа амшхәаԥштәы зегьы инагӡаны иаанарԥшуеит. Ихԥахаз, АИХ рҿы аинформациа акьыԥхьразы «идрыцқьоит», даҽакала иуҳәозар, иҟоуп аредакциатә алԥшаареи аредакциатә политикеи<ref>{{Cite web |url=https://jrnlst.ru/2019/04/01/6623/ |title=Четыре преимущества журналистики перед соцсетями |access-date=2024-08-05 |archive-date=2024-05-22 |archive-url=https://web.archive.org/web/20240522174810/https://jrnlst.ru/2019/04/01/6623/ |url-status=live }}</ref>. == Амеинстримтәи альтернативатәи АИХ == Атермин «менстрим» идуу ажәабжьҳәаратә агентрақәеи, ателеканалқәеи, арадиостанциақәеи ирызкуп. Урҭ ирныԥшуеит урҭ напхгара рызҭо аҳәынҭқаррақәеи акорпорациақәеи иахьатәи ахҭысқәа рзы ргәаанагарақәа. Иҟоуп [[альтернативные медиа|аальтернативатә медиагьы]] — амеинстримтә АИХ иреиԥшым аредакциатә политикеи амшхәаԥштәи змоу аинформациатә ресурсқәа реизга. Аальтернативтә медиа ЕАА шьаҿаӷәӷәала ацәырҵра иалагеит 1980—1990-тәи ашықәсқәа рзы зыхә цәгьам ақьаад аҿы икьыԥхьуа ажурналқәа рформала, ԥҟараны [[ультралевые|арымарахьтәи]] аполитикатә позициақәа аанызкылоз. Аинтернет аҿиара еиуеиԥшым альтернативатә медиа аҿиара иацхрааит<ref>{{Cite web |url=https://cyberleninka.ru/article/n/interpretatsiya-kartiny-mira-v-meynstrimovskih-i-alternativnyh-media |title=ИНТЕРПРЕТАЦИЯ КАРТИНЫ МИРА В МЕЙНСТРИМОВСКИХ И АЛЬТЕРНАТИВНЫХ МЕДИА |archive-date=2024-08-05 |access-date=2024-08-05 |archive-url=https://web.archive.org/web/20240805155841/https://cyberleninka.ru/article/n/interpretatsiya-kartiny-mira-v-meynstrimovskih-i-alternativnyh-media |url-status=live }}</ref><ref>{{Cite web |url=https://cyberleninka.ru/article/n/klassifikatsiya-alternativnyh-media |title=КЛАССИФИКАЦИЯ АЛЬТЕРНАТИВНЫХ МЕДИА |access-date=2024-08-05 |archive-date=2024-08-05 |archive-url=https://web.archive.org/web/20240805155840/https://cyberleninka.ru/article/n/klassifikatsiya-alternativnyh-media |url-status=live }}</ref>. == Аилазаараҿы анырра == {{main|Амассатә информациа ахархәагақәа рнырра}} {{see also|Аԥхьагылара змоу АИХ|Аальтернативатә медиа|Аҵабырг амедиахь аиагара|Ажәлар рыхдырра амҩақәҵара|Амшхәаԥштәы аԥҵара атеориа|Амедиа аеффект|Амедиахьыԥшра}} Амассатә информациатә хархәагақәа ҳаамҭазтәи аилазаараҿы анырра ду рымоуп. Иҟоуп агәаанагара, амассатә информациатә хархәагақәа [[Медиакультура|амедиакультура]] шьақәдыргылоит ауаа хаҭала ркультура аҟазшьатәи аинтеллектуалтәи нырра аҭарала ҳәа. Уи аан, АИХ аҳәынҭқарра анапхгара аҵаҟа иҟазар, усҟан еиуеиԥшым ауаажәларратә хдырра амҩақәҵара ахкқәа лассы-лассы амчрақәа ринтересқәа рзы ахархәара арҭоит. [[Нюрнбергский процесс|Ниурнмбергтәи апроцесс]] аҟны [[Шпеер, Альберт|А. Шпеер]] аҵыхәтәантәи иажәақәа рҿы иҳәеит арадиои абжьырдугеи реиԥш иҟоу атехникатә хархәагақәа рыбзоурала «80 миллионҩык ауаа рхатә хәыцра шрымхыз»<ref name="автоссылка1">{{Cite web |url=https://cyberleninka.ru/article/n/vozdeystvie-sredstv-massovoy-kommunikatsii-na-sovremennoe-obschestvo |title=Воздействие средств массовой коммуникации на современное общество |access-date=2024-08-05 |archive-date=2024-08-05 |archive-url=https://web.archive.org/web/20240805162524/https://cyberleninka.ru/article/n/vozdeystvie-sredstv-massovoy-kommunikatsii-na-sovremennoe-obschestvo |url-status=live }}</ref>. Иахьатәи аамҭазы аинтернет аҿы (асоциалтә ҳақәеи аблогқәеи рҿы) асоциалтә проблемақәа ма аҭагылазаашьа хьанҭақәа ирызку аицәажәарақәа атрадициатә АИХ урҭ рзааҭгылареи рканалқәа рыла урҭ адыррақәа раларҵәареи мчыла ирыдцалахоит. Иаҳҳәап, [[Google (компания)|Google]] Мысратәи анапхгаҩ нага В. Гоним, [[Революция в Египте (2011—2013)|2011 шықәсазы Мысра иҟалаз ареволиуциатә хҭысқәа]] ирыдҳәаланы, «Мысра ашьҭахь иарбан тәылоу анаҩстәи ареволиуциа ахьалаго?» ҳәа азҵаара «[[Facebook]] иазҵаатәуп» ҳәа аҭак азыҟеиҵеит<ref name="автоссылка1" />. АИХ лассы-лассы аилазаараҿы еиуеиԥшым ашәареи агәҭынчымреи рцәырҵреи раларҵәареи иацхраауеит. Урҭ ҷыдаҟазшьас ирымоуп агәаҟрақәеи, ацәгьоурақәеи уҳәа рызҿлымҳара. Ажәабжьқәа рыхқәа рхаҭақәа, драматизмла аматериал ауаа разхьарԥшразы иҟаҵоу, ашәареи агәҭынчымреи рызцәырнагар алшоит<ref>{{Cite web |url=https://cyberleninka.ru/article/n/priroda-massovoy-kommunikatsii-i-mediakonstruirovanie-strahov |title=ПРИРОДА МАССОВОЙ КОММУНИКАЦИИ И МЕДИАКОНСТРУИРОВАНИЕ СТРАХОВ |archive-date=2025-08-15 |access-date=2025-08-08 |archive-url=https://web.archive.org/web/20250815050341/https://cyberleninka.ru/article/n/priroda-massovoy-kommunikatsii-i-mediakonstruirovanie-strahov |url-status=live }}</ref><ref>{{Cite web |url=https://www.ifapcom.ru/files/Monitoring/barinov_mass_komm_factor_trevojn.pdf |title=Массовая коммуникация как фактор формирования социальной тревожности |archive-date=2022-04-01 |access-date=2025-08-08 |archive-url=https://web.archive.org/web/20220401092638/http://www.ifapcom.ru/files/Monitoring/barinov_mass_komm_factor_trevojn.pdf |url-status=live }}</ref>. [[Шимов, Ярослав Владимирович|Иарослав Шимов]] ишииҩуа ала<ref>{{Cite web |url=https://magazines.gorky.media/oz/2003/4/akvarium.html |title=Аквариум |archive-date=2025-08-13 |access-date=2025-08-08 |archive-url=https://web.archive.org/web/20250813173805/https://magazines.gorky.media/oz/2003/4/akvarium.html |url-status=live }}</ref>: <blockquote> ...ажәабжьқәа — улаԥш зыдхало, есыҽнытәи аԥсҭазаара аҩаӡара аҵкыс еиҳау акы ауп, насгьы ажурналистцәа ахара рыдымзар ҟалап урҭ «аҳаракырақәа» рӷьырак катастрофаны, мамзаргьы угәы узырхьуа цәырҵраны иахьыҟоу азы. Аха аинформациатә ҟазара ихадоу ҷыдаҟазшьас иамоу, есыҽнытәи аԥсҭазаара азҿлымҳара аҟынтәи иалхны (уи ауаа реиҳараҩык рыԥсҭазаара 90 наӡын рыла, мамзаргьы еиҳаны ишьақәгылоу), АИХ ирҭахы-ирҭахым аудиториа ирыдырцалоит абжьааԥнытәи аԥсҭазаара зынӡа иҟам ҳәа агәаанагара. Есыҽны ҳакәша-мыкәша иаҳбои агазеҭқәа ирыҩуеи, телехәаԥшрала иадырбои лассы-лассы иахьеиқәымшәо азы ауп амасс-медиа «ацәаныррақәа дырбыжкуеит», насгьы «аҵабырг дыреиқәаҵәоит» ҳәа агәаанагара зыҟало. </blockquote> == Еиуеиԥшым атәылақәа рҿы АИХ == === Урыстәыла === {{main|Урыстәылатәи амассатә информациатә хархәагақәа}} [[Федеральный закон Российской Федерации|Урыстәылатәи Афедерациа Азакәан]] 1991 шықәса, ԥхынҷкәынмза 27 рзтәи № 2124-1 «Амассатә информациатә хархәагақәа ирызку») «АИХ» (АКХ) закәу ҳәа аилыркаа ҟанаҵоит [[Периодические издания|апериодикатә кьыԥхьтә ҭыжьымҭақәа]], а[[Радиовещание|радио]]-, а[[Телевещание|теле]]-, авидеопрограммақәа, акино[[хроника|хроникатә]] программақәа, иара убас ''[[Массовая культура|амассатә]] [[Информация|информациа]]'' аларҵәара егьырҭ аформақәа ҳәа. Амассатә информациа ҳәа азакәанԥҵаҩы еиликаауеит «[[Широковещательный канал|ԥкра змам ауаа]] рзы иҟоу акьыԥхьтә, абжьытә, аудиовизуалтә уҳәа, егьырҭ адырраҭарақәеи аматериалқәеи». Урыстәылатәи ахыҵхырҭақәа рыла, АКХ анаҩстәи аҷыдарақәа рымоуп: * амҽхакра ([[Российская Федерация|Урыстәылатәи Афедерациа]] азакәанԥҵара иадҳәаланы, агазеҭқәеи, ажурналқәеи, ацҳамҭақәеи рзы 1000 екземплиар, еиҳангьы); * алассы-лассра, шықәсыкахь знык еиҵамкәа; * амчхара: асигнал ахыҵхырҭак (амҩаԥгаҩ, аредакциа) — аӡырҩцәа рацәаҩны. Урыстәылатәи Афедерациа Азакәан «Амассатә информациатә хархәагақәа ирызку» инақәыршәаны, «АИХ» (АКХ) ҳәа изышьҭоу амассатә коммуникациа асубиектқәа реизга ауп, апериодикатә кьыԥхьтә ҭыжьымҭа (агазеҭ, ажурнал, альманах, абиуллетен, иара убас зҽызымԥсахуа ахьӡи аномери змоу, шықәсык ахь знык еиҵамкәа иҭыҵуа егьырҭ аҭыжьымҭақәа), арадио-/теле-/видеопрограмма, акинохроникатә программа уҳәа, амассатә информациа лассы-лассы аларҵәара даҽа формак реиԥш иҟоу<ref>{{Cite web |url=http://base.garant.ru/10164247/1/#100 |title=Общие положения |access-date=2010-09-04 |archive-date=2010-06-19 |archive-url=https://web.archive.org/web/20100619025833/http://base.garant.ru/10164247/1/#100 |url-status=live }}</ref>.<br>Урыстәыла «АИХ» (АКХ) рахь иаҵанакуам: аҭыӡгазеҭқәа, тираж маҷла иҟоу аҭыжьымҭақәа, ашәҟәыҵәахырҭақәа<ref>Вопреки стойкому заблуждению, вызванному непониманием механизма распространения информации в сети Интернет и других сетях. См. «Юридическое заключение о природе сайтов в сети Интернет» кафедры ЮНЕСКО</ref>. [[Телевидение|Ателехәаԥшра]] аадырԥшуеит Урыстәылазегьтәи ателеканалқәа 23, амҩанызатәи акабельтәи телеканалқәа 117 рҟынӡа, Урыстәыла анҭыҵ ирыладырҵәо ателеканалқәа 15, арегионалтә телеканалқәа 180 рҟынӡа, ақалақь хәыҷқәеи ақыҭақәеи рҿы 30 рҟынӡа аканалқәа. Ателеканалқәа зегьы рхыԥхьаӡара 330 раҟара ыҟоуп<ref name="dok_grig"/>. [[Печатные издания|Акьыԥхьтә ҭыжьымҭақәа]] — Урыстәылатәи Афедерациаҿы еиҳа ирылаҵәоу АИХ ирыхкуп. 2009 шықәса алагамҭазы Урыстәылатәи Афедерациаҿы ашәҟәы иҭагалан 27 425 газеҭи есымчыбжьатәи ажурналқәеи; иара убас ашәҟәы иҭаҩуп 20 433 журнал, 787 альманах, 1297 еизга, 1519 биуллетен, иара убас амҳалдызтә ныҟәгага иану 214 ҭыжьымҭа. Зынӡа 2009 шықәса алагамҭазы ашәҟәы иҭагалан 51 725 кьыԥхьтә АКХ. 2008 шықәсазы есыҽнытәи амилаҭтә газеҭқәа зегьы еицырзеиԥшу раудиториа 6522,2 нызқьҩык ауааԥсыра шьақәнаргылон, насгьы азеиԥш милаҭтәи азеиԥш бизнестәи ҵакы змоу есымчыбжьатәи агазеҭқәа — 14 019,2 нызқьҩык ауаа, уи инақәыршәаны, ақалақь аҿы инхо ауааԥсыра рҟынтә 11,3% насгьы 24,2% ҟарҵон. Ажурналқәа зегьы еизакны рудиториа 36,2 миллионҩык ыҟан 2008 шықәса анҵәамҭазы. ВЦИОМи ФОМи рҟынтәи адыррақәа иҳалдыршоит Урыстәылатәи Афедерациа ауааԥсыра рҟынтәи 62% рҟынӡа аамҭа-аамҭала ажурналқәа ишрыԥхьо ала алкаа аҟаҵара. Еиҳа еицырдыруа иҟоуп акино-телегидқәа (28,5%), аҳәса ртәи амодатәи аҭыжьымҭақәа (28,1%)<ref name="dok_grig">{{книга|заглавие=Российский рынок периодической печати. Состояние, тенденции и перспективы развития : Доклад|ответственный=Под общ. ред. В. В. Григорьева|место={{М.}}|издательство=Федеральное агентство по печати и массовым коммуникациям|год=2009|страниц=100|isbn=978-5-904427-02-3|страницы=17}}</ref>. [[Конституция Российской Федерации|Урыстәылатәи Афедерациа Аконституциа]] аинформациа ахақәиҭразы ԥкрақәак шьақәнаргылоит. Адыррақәа рыԥшаара, рыдкылара, рышьҭра, рҭыжьра, раларҵәара (амассатә дыррақәагьы уахь иналаҵаны) рзы азакәантә мҩа иаанагоит закәанла ҷыдала ихьчо аҳәынҭқарратә маӡа шьақәзыргыло адыррақәа [[Секретность|раартра ҟалом]] ҳәа. Урыстәылатәи акьыԥхьтә АИХ егьырҭ излареиԥшым, урҭ азакәан аганахьала акәымкәа, асоциалтә ганахьала (аԥхьаҩцәа рҟынтә) иахьхьыԥшым ала ауп: аҭыжьымҭақәа шамахамзар зынӡаск аԥхьаҩцәа рышәҟәқәа аҭак ҟарҵаӡом, урҭ рҟынтәи «аҭакаара» рыдыркылаӡом, аԥхьаҩцәа русура ахә шыршьо ҭырҵааӡом, аԥхьаҩцәа ринформациатә ҭахрақәа рынагӡара рҽазыршәом, Ажурналқәа рҟны ианыло анҵамҭақәа рҟны дара рхатә хәаԥшышьа мацара алагало<ref>Аверина Ю. В. Городская печать в процессе социальных трансформаций // Вестник Казанского государственного университета культуры и искусств. — 2009. — № 4. — С. 6</ref>. === Ҟазахсҭан === {{main|Ҟазахсҭан амассатә информациа ахархәагақәа}} [[Ҟазахсҭан|Ҟазахстан]] Аҳәынҭқарра Акультуреи аинформациеи рминистрра адыррақәа рыла, 2006 шықәса актәи аквартал анҵәамҭазы ареспубликаҿы еиԥмырҟьаӡакәа иҭыҵуеит 2243 периодикатә ҭыжьымҭа, урҭ рҟынтә 1593 газеҭи 650 журнали. Акьыԥхьтә ҭыжьымҭақәа зегьы рызбжак аинформациатә АКХ роуп, асоциал-политикатәқәа рыхәҭаа 16% рҟынӡа иҟоуп, аҭҵаарадырратәқәа — 9%, аӡыргаратәқәа — 10,5%, ахәыҷтәқәа, аҿартәқәа, аҳәса ртәқәа, адинтә ҭыжьымҭақәа зегьы еизакны 4% иреиҳам. 2012 шықәсазы аус руеит 2514 агазеҭқәеи ажурналқәеи, 238 електронтә АКХ, урҭ рҟынтә 100 раҟара ателехәаԥшратә каналқәеи арадиостанциақәеи, 7893 аинтернет-саитқәеи. 1992 шықәсазы 735 газеҭи журнал ҿыци ҭыҵуан, урҭ рҟынтә 260 ҟазах бызшәала, 395 урысшәала, 4 уигур бызшәала, 5 узбек бызшәала, 2 немец бызшәала, 21 кореиа бызшәала. 2007 шықәсазы, Акультуреи аинформациеи Рминистрра адыррақәа рыла, Ҟазахстан 7281 АКХ рҭыжьымҭақәа ыҟан. Урҭ рҟынтәи иҳәынҭқарратәым — 78%, иҳәынҭқарратәу — 22%. Аелектронтә АКХ — 112. Урҭ зегьы рхыԥхьаӡара аҟнытә акьыԥхьтә АКХ 50% шьақәдыргылоит. Урҭ рҟынтәи ауаажәларра-политикатә — 16%, аҭҵаарадырратә — 9%, аӡыргаратә — 10,5%, ахәыҷтәы, аҿартә, аҳәса ртәы, адинхаҵаратә — рыцыԥхьаӡа 2%. Аелектронтә АКХ — 212 телеканал. Ателеканал «Хабар» ахәаԥшцәа — 95,70%, «Ҟазахстан» — 96,25%, «Ел арна» — 75,50%, «Актәи аканал-Евразиа» — 78,60%, Аҟазах радио — 86,99%. Амҩанызатә канал CaspioNet Абжьаратәи Азиа, Агәҭатәи Мрагылара, Европа, Аҩадатәи Африка ртәылақәа рҿы адырраҭарақәа мҩаԥнагоит. Акабельтәи адгьылтә-кабельтәи телехәаԥшра цәырҵит. Урҭ рахь иаҵанакуеит 80 оператор, «Алма-ТВ» (атәыла ақалақьқәа 13 рҿы иадырбоит), «Казинформтелеком»; «Секател»; «Казцентр-ТВ» (5-5 қалақь); «КВК» (4 қалақьк). Аинфокоммуникациатә ҭыԥҭаӡараҿы аус руеит 2392 аҳәаанырцәтәи АКХ: 2309 газеҭи ажурналқәеи, 83 телерадиодырраҭареи. 1000 канал рҟынӡа амҩанызатә телехәаԥшратә системақәа; аҳәаанырцәтәи амассатә информациа ахархәагақәа рхаҭарнакцәа 80. Аҳәаанырцәтәи АКХ рҟынтә: урысшәала — 90%, англыз бызшәала — 5%, егьырҭ адунеитә бызшәақәа рыла — 5%. === Беларусь === {{main|Белоруссиа амассатә информациатә хархәагақәа}} [[Республика Беларусь|Беларусь Аҳәынҭқарра]] азакәан инақәыршәаны, амассатә информациатә хархәага ҳәа изышьҭоу акьыԥхьра, ателедырраҭара ма арадиодырраҭара, адунеизегьтәи акомпиутертә каҭа Аинтернет рхархәарала периодикала аинформациа аларҵәара аформа ауп<ref>{{Cite web |url=http://pravoby.net/laws/text_243/ |title=Закон Республики Беларусь от 17 июля 2008 г. № 427-З"О средствах массовой информации" |access-date=2015-01-24 |archive-url=https://web.archive.org/web/20150128143119/http://pravoby.net/laws/text_243 |archive-date=2015-01-28 |url-status=dead }}</ref>. Беларусь Аҳәынҭқарраҿы, Аинформациа аминистрра адыррақәа рыла<ref>[http://www.mininform.gov.by/rus/smi/ Сведения о СМИ] {{Wayback|url=http://www.mininform.gov.by/rus/smi/ |date=20140730182746 }} // mininform.gov.by</ref>, 2010 шықәса, рашәарамза 1 азы иҭыҵуеит 1301 периодикатә ҭыжьымҭа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы 655 газеҭ, 600 журнал, 36 биуллетен, 9 каталогк, альманахк. Иҭаҩу аҭыжьымҭақәа зегьы рҟынтәи 70% раҟара ҳәынҭқарратәӡам. Акьыԥхь ҭыҵуеит абелорус, аурыс, анемец, англыз, аукраин, аполиак уҳәа егьырҭ европатәи абызшәақәа рыла. Еиҳа атираж змоу апериодикатә ҭыжьымҭоуп агазеҭ «[[Советская Белоруссия (газета)|Советская Белоруссия]]», уи мчыбжьыкахь 5-нтә иҭыҵуеит. Атираж 400,6 нызқь екземплиар (ԥхынҷкәынмза 2013 ш). Агазеҭ «Вечерний Минск» зныктәи атираж зегьы еизакны 107 нызқь екземплиар, «[[Звязда]]» — 22,4 нызқь екземплиар (ԥхынҷкәынмза 2013 ш), агазеҭ «Рэспубліка» — 49,4 нызқь екземплиар, «Белорусская нива» — 25 нызқь екземплиар, «Народная газета» — 30 нызқь екземплиар, «7 дней» — 37,1 нызқь екземплиар, «[[Знамя юности]]» — 25,7 нызқь екземплиар. Аҭыԥантәи аҳәынҭқарратә кьыԥхь зныктәи атираж (136 арегионтә, ақалақьтә, араионтә, иара убас еидҵоу агазеҭқәа) 869,4 нызқь екземплиар шьақәнаргылоит, регионла: Брест — 163,1, Витебск — 175,3, Гомельск — 141,1, Гродно — 108,7, Минск — 160, Могилев — 121,2 нызқь екземплиар. Иара убас Беларусь иҟоуп ажәабжьтә агентрақәа 9, ателедырраҭаратә программақәа 59, арадиодырраҭаратә программақәа 156. Акьыԥхьтә периодикатә ҭыжьымҭақәеи, ателерадиоеилахәырақәеи, ажәабжьтә агентрақәеи рхыԥхьаӡара зегьы рҟынтә 2́/3 иҳәынҭқарратәым атәра аформа рымоуп. === ЕАА === {{main|ЕАА амассатә коммуникациа ахархәагақәа}} [[Еиду Америкатәи Аштатқәа|ЕАА]] АКХ а[[монополия|монополизациа]] аҩаӡара ҳарак ала иалкаауп. Ҩажәатәи ашәышықәса анҵәамҭазы атәылаҿы аԥыжәара рыман ажәабжьқәа раларҵәаратә хыҵхырҭақәа 11: ателехәаԥшратә еилазаарақәа хԥа (ABC, [[CBS]], [[NBC]]), еицырдыруа х-журналк («[[Тайм|Ҭайм]]», «[[Ньюсуик|Ниусуик]]», «[[Ю. С. Ньюс энд уорлд рипорт|И. С. Ниус енд уорлд риԥорт]]»), х-газеҭк («[[Нью-Йорк Таймс|Ниу-Иорк Ҭаимс]]», «[[Вашингтон Пост|Вашингтон Ԥост]]», «[[Уолл-стрит-джорнел|Уолл-стрит-џьорнел]]»), ҩ-информациатә агентрак («[[Ассошиэйтед Пресс|Ассошиеитед Пресс]]» насгьы «[[Юнайтед Пресс Интернейшнл|Иунаитед Пресс Интернеишнл]]»). [[Актәи адунеизегьтәи аибашьра|Актәи Адунеизегьтәи аибашьраан]], ЕАА Аконгресс ирыдыркылеит Аԥшыхәратә усура иазку азакәан (1917) насгьы Ақәгыларахь агәазҭаҵаразы азакәан (1918). Урҭ азакәанқәа изакәандараны иҟарҵеит ЕАА аҳәынҭқарра аполитика иақәыӡбо, мамзаргьы уи иаҿагыло ирыдгыло иарбанызаалак аматериалқәа ркьыԥхьра. Уажәы абас ахылаԥшра арҭоит аҳәаанырцә имҩаԥысуа арратә операциақәа рыхцәажәара. Аҵыхәтәантәи ажәашықәса иалагӡаны изызҵааз рҟынтәи агазеҭқәа ирыԥхьо 35% мацара роуп. ЕАА (егьырҭ атәылақәа жәпакы рҟнеиԥш) 100 даҟьак раҟара аҿыгҳара змоу агазеҭқәа уԥылоит (аиҿырԥшразы: Урыстәылатәи агазеҭқәа рҿыгҳара маҷуп, зегьы ианреиҳаха 32 даҟьа). 2008 шықәсазы, [[Интернет|аинтернет]] ЕАА рҟны есыҽнытәи аинформациа иахыҵхырҭа хаданы иҟалеит, есыҽнытәи агазеҭқәа раасҭа: изызҵааз рахьтә 40% раҟара ирҳәеит ажәабжьқәа раиуразы урҭ рхы ишадырхәо аинтернет-хыҵхырҭақәа, иаҳҳәап, иаабац агазеҭқәа релектронтә версиақәа ма иҷыдоу ажәабжьқәа рсаитқәа. 1989 шықәса инаркны 2009 шықәсанӡа ЕАА иҭыҵуаз агазеҭқәа зегьы ҽнактәи ртираж 62 миллион рҟынтә 49 миллион екземплиар рҟынӡа илаҟәит<ref name="autogenerated20130721-1">{{Cite web |url=http://ria.ru/crisis_review/20090526/172322429.html#ixzz2GTVZL0t2 |title=Н.Асадова. Когда умрет бумажная пресса… |access-date=2012-12-29 |archive-date=2014-05-17 |archive-url=https://web.archive.org/web/20140517121237/http://ria.ru/crisis_review/20090526/172322429.html#ixzz2GTVZL0t2 |url-status=live }}</ref>. Ари, насгьы 2008 шықәса ҭагалан излагаз [[мировой финансовый кризис|адунеизегьтәи афинанстә кризис]], агазеҭқәа жәпакы иаарласны аонлаинахь ииасыртә иҟанаҵеит. [[Телевидение|Ателехәаԥшра]] зегь реиҳа еицырдыруа ажәабжьқәа ирхыҵхырҭаны иаанхоит: аҭак ҟазҵаз рҟынтәи 70% раҟара телехәаԥшрала ажәабжьқәа ишрыцклаԥшуа рҳәеит<ref>{{Cite web |url=http://people-press.org/report/479/internet-overtakes-newspapers-as-news-source |title=Internet Overtakes Newspapers As News Source |access-date=2009-12-18 |archive-date=2009-12-19 |archive-url=https://web.archive.org/web/20091219173238/http://people-press.org/report/479/internet-overtakes-newspapers-as-news-source |url-status=live }}</ref>. Аинформациатә агентра [[Информационное агентство США|УСИА]] (USIA) 1953 шықәса инаркны анагӡаратә мчра аҩнуҵҟа ихьыԥшым еиҿкаарак аҳасабала аус ауеит, ЕАА адәныҟатәи аполитика адгыларазы ауаажәларратә дипломатиа амҩаԥгаразы. ЕАА аҳәынҭқарратә адәныҟатәи арбаратә система еиднакылоит Ахеилак ахь аҳасабырба ҟазҵо аинформациатә агентрақәа хәба. Урҭ рахьтә ҩба, [[Голос Америки|The Voice of America]] насгьы [[Office of Cuba Broadcasting|The Office of Cuba Broadcasting]] (Radio and TV Marti), афедералтә программа астатус рымоуп, [[Радио «Свобода»|Radio Free Europe/Radio Liberty]] насгьы [[Свободная Азия|Radio Free Asia]] хаҭалатәи икоммерциатәым еиҿкаарақәаны аус руеит. Арҭ амаҵзурақәа русзуҩцәа рхыԥхьаӡара 3,3 нызқьҩык иреиҳауп. == Иара убас == * [[Журналистика|Ажурналистика]] * [[Медиавосприятие|Амедиадкылара]] * [[Медиалингвистика|Амедиалингвистика]] * [[Медиастилистика|Амедиастилистика]] * Амеинстримтә АИХ (''Mainstream media'') * [[Свобода массовой информации|Амассатә информациа ахақәиҭра]] == Азгәаҭақәа == {{Reflist}} == Алитература == * {{книга|автор=Черных.А.|ссылка=http://ec-dejavu.net/m-2/Mass_media.html|часть=Усталость сострадать|заглавие=Мир современных медиа|место={{М.}}|издательство=Территория будущего|год=2007|страницы=180—194|archive-url=https://web.archive.org/web/20091121070314/http://ec-dejavu.net/m-2/Mass_media.html|archive-date=2009-11-21}} * {{книга|автор=[[Данилова, Анна Александровна|Данилова А. А.]]|заглавие=Манипулирование словом в средствах массовой информации|место={{М.}}|издательство=Добросвет, КДУ|год=2009|страниц=234|isbn=9785982276131|тираж=1000}} * ''Терин В. П.'' Массовая коммуникация (исследование опыта Запада). М.: [[Институт социологии РАН]], 1999. * {{книга |заглавие=Mass communications: a comparative introduction |издательство=[[Manchester University Press]] |год=1994 |isbn=978-0-7190-3946-1 |страницы=26—27 |ссылка=https://books.google.com/books?id=5z7oAAAAIAAJ&pg=PA26 |язык=en |автор=Lorimer, Rowland; Scannell, Patty}} * {{книга |заглавие=The mass media in Canada |издательство=James Lorimer & Company |год=2000 |isbn=978-1-55028-714-1 |страницы=88 |ссылка=https://books.google.com/books?id=eUbz3Ipt0xAC&pg=PA88 |язык= |автор=Vipond, Mary}} * ''[[Гавров, Сергей Назипович|Gavrov S.]]'' [https://doi.org/10.1080/19409419.2017.1323177 Hybrid wars: the archaization of political consciousness and involution of media // Russian journal of communication. Tom 9, № 2, 2017. PP: 207—210. ] ISSN: 1940-9419 eISSN: 1940-9427 * {{книга| автор = Ворошилов В.В.| заглавие = Современная пресс-служба| место = Москва| издательство = КНОРУС| год = 2013| страниц = 222| isbn = 978-5-406-02887-2| ref = Ворошилов}} * {{книга| автор = Ворошилов В.В| заглавие = Журналистика и рынок: проблемы маркетинга и менеджментасредств массовой информации : научное издание| место = СПб.| издательство = СПбГУ| год = 1997| ref = Журналистика}} * {{книга| автор = Ворошилов В.В.| заглавие = Журналистика : учебник| место = М.| издательство = КНОРУС| год = 2013| страниц = 491| isbn = 978-5-406-05961-6| ref = Voroshilov}} * {{книга| автор = Гаврилов К.| заглавие = Как делать сюжет новостей и стать медиатворцом| место = СПб.| издательство = Амфора| год = 2007| страниц = | isbn = 978-5-367-00469-4| ref = Гаврилов}} * {{книга| автор = Алешина И.В.| заглавие = Паблик рилейшнз для менеджеров и маркетеров| место = М.| издательство = ГНОМ-ПРЕСС| год = 2003| страниц = 480| isbn = 5-94687-010-6| ref =Алешина}} * {{книга| автор = Шарков Ф.И.| заглавие = Политический консалтинг| место = М. | издательство = Дашков и Ко| год = 2004| страниц = 458| isbn = 5-94798-482-2| ref = Шарков}} * {{книга| автор = Ворошилов В.В. | заглавие = Теория и практика массовой информации| место = М.| издательство = КНОРУС| год = 2017| страниц = 464| isbn = 978-5-406-05842-8| ref = MassInformation}} * {{книга| автор = Засурский Я. Н. | заглавие = История печати: антология| место = М.| издательство = Аспект Пресс| год = 2008| том = 3| страниц = 271| isbn = 978-5-7567-0480-8.| ref = Засурский}} * {{книга| автор = Горчева А.Ю.| заглавие = Корпоративная журналистика| место = М.| издательство = Вест-Консалтинг| год = 2008| страниц = 220| isbn = 978-5-903321-22-3| ref =Горчева}} * {{книга| автор = Гостомыслов А.П.| заглавие = Детская журналистика| место = СПб.| издательство = Изд-во Михайлова В.А.| год = 2008| страниц = 352| ref = Гостомыслов}} == Азхьарԥшқәа == * C. Wright Mills. [https://web.archive.org/web/20080507041609/http://www.thirdworldtraveler.com/Book_Excerpts/MassSociety_PE.html The Mass Society] Chapter in The Power Elite, 1956 * [http://www.medialaw.ru/publications/books/medialaw2/laws/2-smi.html Закон о СМИ РФ] * {{cite web|date=2008|url=http://unesdoc.unesco.org/images/0016/001631/163102R.pdf |title=Показатели развития средств информации: система оценки развития средств информации |work=Международная программа развития коммуникации |publisher=[[ИУНЕСКО]]|access-date=2014-08-30}} * {{dmoz|World/Russian/Новости_и_СМИ/|СМИ}} {{Авторитет змоу адыррақәа}} {{DEFAULTSORT:массатә информациа ахархәагақәа}} [[Акатегориа:Амассатә информациа ахархәагақәа| ]] [[Акатегориа:Ауаажәларратә гәаанагара]] [[Акатегориа:Аимадара]] m4jfeubxu1zh8c8oie6881sm162wajv 170646 170642 2026-07-28T10:22:23Z InternetArchiveBot 15973 Rescuing 2 sources and tagging 0 as dead.) #IABot (v2.0.9.5 170646 wikitext text/x-wiki '''Амассатә информациа ахархәагақәа'''<ref>{{Cite web|access-date = 2015-10-24|title = Печатные СМИ: Заголовки газет, обзоры прессы|url = http://www.zagolovki.ru/|publisher = www.zagolovki.ru|archive-date = 2016-01-11|archive-url = https://web.archive.org/web/20160111225001/http://zagolovki.ru/|url-status = live}}</ref> ([[Акроним|акрон.]] СМИ, [[Массовые коммуникации|амассатә коммуникациа ахархәагақәа]] ([[Аббревиатура|аббрев.]] АКХ) иреиԥшымкәа) — атехникатә хархәагақәа рыла ауаа рацәа рахь [[Передача информации|аинформациа анагаразы]] аиҿкаарақәа реизга; уажәраанӡагьы аурыс бызшәаҿы еиҳа лассы-лассы ахархәара змоу (атермин «амассатә коммуникациа ахархәагақәа» аасҭа) есыҽнытәи апрактикаҿы адыррақәа реизгареи, аус рыдулареи, ауаа рацәа рыларҵәареи рхархәагақәа рзы ахьӡ<ref>Средства массовой информации // [[Большая энциклопедия «Терра»|Большая энциклопедия в 62 томах]]. Т. 47. — М.: Терра. — 2006. — С. 453. ISBN 5-273-00432-2</ref>. [[Файл:28 Aug. 2018 - ITC Executive Director Arancha González is being interviewed by Zeinab Badawi for the BBC’s HardTalk. (44273926572).jpg|мини|Адырраҭара [[HARDtalk]] ателеканал [[BBC World News]] аҟны]] == Аетимологиа == Атермин «''амассатә '''информациа ахархәага»''''' аурыс бызшәаҿы 1970-тәи ашықәсқәа рзы ицәырҵит афранцыз бызшәа moyens d'information de masse аҟынтәи аиҭага аҳасабала. Афранцыз бызшәаҿы ари атермин ахархәара иаҟәыҵит 1960-тәи ашықәсқәа аҩбатәи азбжазы<ref name="Термин">''[[Терин, Валерий Павлович|Терин В. П.]]'' Массовая коммуникация (исследование опыта Запада). — М.: [[Институт социологии РАН]], 1999</ref>. Атермин «АИХ» ҵакыс иамоуп апрессеи, арадиои, ателехәаԥшреи рнырра ахырхарҭакра («хыхьынтәи ҵаҟа»), даҽакала иуҳәозар, урҭ рнырра авторитаризм азы азин ҟанаҵоит<ref name="Термин" />, насгьы аелектронтә коммуникациатә хархәагақәа ирышьашәалаӡом, урҭ вектор хадас ирымоу зегьы рҟынтәи зегьы рахь иаразнактәи аҭакҟаҵара ауп. Атерминқәа «амассатә информациа ахархәагақәа», «амассатә пропаганда ахархәагақәа», «амассатә коммуникациа ахархәагақәа» рыбжьара аиԥшымзаара ыҟоуп, уи урҭ хазы-хазтәи еилкаарақәаны аҟазаара азин рынаҭоит. {{Ацитата алагара}}Акоммуникациа ахырхарҭаҿы ажәабжь аҳасабала, мамзаргьы, хәҭакахьала, аталитикатә материал аҳасабала АИХ рахь иақәшәо зегьы еиҳа-еиҳа ирацәаны агәаҭарақәа ирхысуеит. Аханатә ауаа рацәа рҭахрақәеи адунеи армариареи ирызку атаблоидқәа рпозициа ҳаналацәажәо, уи еилкаауп. Иџьоушьаша апресса ӷәӷәа аеволиуциа ауп, аналитикатә ҟазшьа змоу, ицәанырратәым, ахҭысқәа ыруадаҩны анализ рзызуа, иааҳәны урҭ мырмариакәа, ҵыхәаԥҵәарада аӷацәа аҭакԥхықәра рыдзымҵо. «[[The New York Times]]», «[[Financial Times]]», «[[The Economist]]» рматериалқәа рҿы аемоциатә мотивациа аелементқәа — ари аҵак ду амоуп. Абарҭ рҟны иубарҭоуп апропагандатә клишеқәа хәыҷы-хәыҷла аинтеллектуалцәа рыхшыҩ ишалало... уи «Аибашьра хьшәашәеи» Адунеизегьтәи аибашьрақәеи ирыдҳәалоу аиҿырԥшрахь ухьанарԥшуеит. Армариара ауадаҩреи аеволиуциеи ирҿагылоуп, убри аганахьала Урыстәылатәии аҳәаанырцәтәии АИХ аинволиуциа аганахьа рыхшыҩзышьҭра ҳалацәажәар ҳалшоит. <ref>''[[Гавров, Сергей Назипович|Gavrov S.]]'' Hybrid wars: the archaization of political consciousness and involution of media // [https://doi.org/10.1080/19409419.2017.1323177 Russian journal of communication]. Tom 9, № 2, 2017. PP: 207—210. ISSN: 1940-9419 eISSN: 1940-9427</ref> {{Ацитата алгара}} == Аҭоурых == === Европа === [[Письменность|Аҩыра]] аԥҵахаанӡа, ихадоу аинформациеи ажәабжьқәеи рыладырҵәон [[оратор|ацәажәаҩцәа]], аҳәынҭқарратә [[Гонец (посланник)|цҳаражәҳәаҩцәа]], [[Бирюч|ажәабжьҳәаҩцәа]], [[герольд|агеролдцәа]] уҳәа убас егьырҭгьы. Ақалақь дуқәа рҿы уи маншәаламызт, насгьы алҵшәа маҷын. [[Древняя Греция|Ажәытәтәи Бырзентәыла]] (аҩыра анаԥҵаха ашьҭахь) ахаҳәтә [[Стела|стеллақәеи]] аихатә ҵәаҟьақәеи рхы иадырхәон. [[Государство|Аҳәынҭқарра]] анышьақәгыла ашьҭахь ажәабжь хадақәа агипс ала ихҩаз аӷәқәа рҿы ианырҵон, урҭ зегьы иахьырбарҭаз аҭыԥқәа рҿы, апапирустә бӷьыцқәеи апергаментқәеи рҿы икнарҳауан<ref>Ворошилов В. В. Современная пресс-служба. — М.: КНОРУС, 2013. — 222 с. — ISBN 978-5-406-02887-2.</ref><ref>Ворошилов В. В. Журналистика и рынок: проблемы маркетинга и менеджмента средств массовой информации. — СПб.: СПбГУ, 1997.</ref>. [[Древний Рим|Ажәытәтәи Рим]] аҳәынҭқарратә дҵақәа, аҳәынҭқарратә жәабжьқәа, астрологиатә зԥхьагәаҭақәа, аԥшрақәа уҳәа убас егьи аинформациа аимдаразы рхы иадырхәон ауаажәларратә хыбрақәа рҭыӡқәа, мамзаргьы иҷыдоу аӷәқәа. Ахархәара ашьҭахь урҭ аҭаӡҩырақәа архив ахь ирҵәахуан. [[Гаи Иулии Цезар|Гаи Иули Цезар]] ихаан, а[[сенат]] аӡбамҭақәа аӷәқәа ирнырҵон; аимператор Август ихаан раԥхьаӡакәны хаҭалатәи ахроника аҩра иалагеит. Иара убас есыҽны иҭыҵуан анапылаҩыратә ҭыжьымҭақәагьы, аҳәынҭқарра аԥсҭазаара, ауаажәларратә хҭысқәа, аибашьрақәа, ахәмаррақәа уҳәа ирызку ажәабжьқәа зныз. Урҭ рахь иаҵанакуан есымчыбжьатәи «Ахҭыс ҿыцқәа ирызку анҵамҭақәа» («Commentarius Rerum Novarum»)<ref>Ворошилов В. В. Журналистика: учебник. — М.: КНОРУС, 2013. — 491 с. — ISBN 978-5-406-05961-6.</ref>. 1320 шықәсазы [[Германиа|Германиа]] раԥхьатәи [[бумажная фабрика|ақьаад фабрика]] аԥҵан, уи абзоурала ирласны аинформациа рацәаны акьыԥхьра алыршахеит. [[Столетняя война|Шәышықәсатәи аибашьраан]] раԥхьаӡа акәны ицәырҵит агитациа-пропагандатә кьыԥхьтә ҭыжьымҭақәа. XV-тәи ашәышықәса аҩбатәи абзжазы Европа зегьы ахьынӡанаӡааӡоз [[Типография|акьыԥхьырҭақәа]] аадыртуан, урҭ аинформациа ирацәаны аларҵәараҿы акырӡа ацхыраара ҟарҵон: [[Италиа|Италиа]] (1465 шықәса), [[Швеицариа|Швеицариа]] (1468 шықәса), [[Франциа|Франциа]] (1470 шықәса), [[Бельгиа|Бельгиа]], [[Венгриа|Венгриа]], [[Польша]] (1473 шықәса), [[Чехиа|Чехиа]], [[Англызтәыла|Англиа]] (1482 шықәса), [[Австриа|Австриа]], [[Даниа|Даниа]] (1482 шықәса), [[Швециа|Швециа]] (1483 шықәса). XVI-тәи ашәышықәса алагамҭазы ақалақь дуқәа рҿы иаадыртит аинформациатә биуроқәа, ажәабжьқәа ирласны рыларҵәаразы<ref>Гаврилов К. Как делать сюжет новостей и стать медиатворцом. — СПб.: Амфора, 2007. — ISBN 978-5-367-00469-4.</ref>. Европа раԥхьаӡа иҭыҵуаз агазеҭқәа рахь иаҵанакуеит: «Nieuwe Tijdingen» (1605 шықәса, [[Антверпен]]), «Relation Adler» (1609 шықәса, [[Страсбург]]) иара убас «Aviso-Relation oder Zeitung» (1609 шықәса, [[Аугсбург|Аутсбург]]). Раԥхьатәи есымчыбжьатәи агазеҭ — «Gazette» — [[Париж]] иҭыҵит 1631 шықәсазы, раԥхьатәи есыҽнытәи агазеҭ — «Daily Courant» — [[Лондон]] иҭыҵит 1702 шықәсазы<ref>Алешина И. В. Паблик рилейшнз для менеджеров и маркетеров. — М.: ГНОМ-ПРЕСС, 2003. — 480 с. — ISBN 5-94687-010-6.</ref>. === Урыстәыла === [[Файл:Vesti-1631.jpg|150px|мини|1631 шықәсазы «ажәабжьқәа» раԥхьатәи адаҟьа]] [[Русь|Урыстәыла]] хаҭалатәи апублицистика аҿиара иалагеит XV—XVI-тәи ашәышықәсақәа рҽеиҩшамҭазы [[Иван III Васильевич|Иуан III]] ихаан. [[Иван Грозный|Иуан Грозныи]] ихаан акьыԥхьтә ҭыжьымҭақәа активла рхы иадырхәон ирҿагылоз [[Бояре|аамсҭацәа]] рҿагыларазы. [[Борис Годунов]]и [[Патриарх Московский и всея Руси|апатриарх]] Иови иара убас ашәҟәкьыԥхьратә ус иадгылаҩцәан. Акьыԥхьтә аалыҵқәа зегьы ҳәынҭқарратә [[Монополия|монополиан]], Москватәи [[Московский печатный двор|Акьыԥхьратә шҭаҿы]] иҭрыжьуан. 1678—1783 шықәсқәа рзы мацара ауп Кремль Хыхьтәи атипографиа аус анауаз — [[Симеон Полоцкий|Симеон Полоцки]] илитературатә рҿиамҭақәа рҭыжьразы. Раԥхьатәи икьыԥхьыз ашәҟәи ашықәс раԥхьатәи агазеҭи рыбжьара анапылаҩыратә газеҭқәа ҭыҵуан (1631 шықәса инаркны) — «[[Вести-Куранты|Вестовые письма]]», мамзаргьы «Куранты». Урҭ урысшәала еиҭагоу аҳәаанырцәтәи агазеҭқәа рҟынтәи агәылҩаақәа ракәын (аибашьрақәа, аделегациақәа рыдкыларақәа уҳәа ирызку ажәабжьқәа). Аинформациа «аиҵаҩқәа» ҳәа изышьҭоу ақьаад бӷьыц ҭшәақәа рҿы ианырҵон, урҭ ақьаадыршаҿы иҭадырҷабуан. Ус еиԥш иҟоу агазеҭқәа мызкахьы ҩынтә-ԥшьынтә ҩба-хԥа екземплиар рыла иҭыҵуан. «Куранты» аҳи иааигәара иҟаз ауааи ирзаԥхьон, насгьы [[Приказ тайных дел|Амаӡатә усқәа рыприказ]] аҿы ирҵәахуан (урҭ имаӡаз қьаадқәан)<ref>Горчева А. Ю. Корпоративная журналистика. — М.: Вест-Консалтинг, 2008. — 220 с. — ISBN 978-5-903321-22-3.</ref>. Раԥхьатәи агазеҭқәа XVII—XVIII-тәи ашәышықәсақәа рҽеиҩшамҭазы ицәырҵит. 1702 шықәса, ԥхынҷкәынмза 15 рзы [[Пиотр I дуӡӡа|Петр I]] инапы аҵаиҩит «Москәатәи аҳәынҭқарреи иаакәыршаны иҟоу егьырҭ аҭыԥқәеи рҿы иҟалаз, адырреи агәалашәареи зықәнагоу арратәи егьырҭ аусқәеи ирызку ажәабжьқәа» ркьыԥхьразы, насгьы адырҩаҽны —«аҩныҵҟатәи, аҳәаанырцәтәи ахҭысқәа рзы адырраҭараазы» агазеҭқәа рҭыжьразы. 1755 шықәса ажьырныҳәамзазы [[Академия наук|Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа]] Урыстәыла раԥхьаӡатәи ажурнал ҭнажьит — «[[Ежемесячные сочинения|Ежемесячные сочинения, к пользе и увеселению служащие]]». Раԥхьатәи хаҭалатәи акьыԥхьтә ҭыжьымҭақәа аҭыҵра иалагеит 1750-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы<ref>Гостомыслов А. П. Детская журналистика. — СПб.: Изд-во Михайлова В. А., 2008. — 352 с.</ref>. [[Екатерина II]] лхаан атәыла аҩныҵҟатәи апублицистика аҿиара ду аиуит. Лара лнапхгараҭараан, ирацәаны асоциалтә темақәа ирхьысуаз асатиратә журналқәа ҭыҵуан. 1769 шықәсазы иҭыҵуан «[[Всякая всячина]]», «[[И то и сё]]», «Ни то ни сё в прозе и стихах», «Полезное с приятным», «Поденьщина», «Смесь», «[[Трутень (журнал)|Трутень]]», «[[Адская почта (1906)|Адская почта]]» уҳәа убас иҵегьы<ref>Засурский Я. Н. История печати: антология. — М.: Аспект Пресс, 2008. — Т. 3. — 271 с. — ISBN 978-5-7567-0480-8.</ref>. === ЕАА === [[Файл:Publick-Occurrences-Both-Foreign-and-Domestick (1690-09-25).jpg|150px|мини|Америка раԥхьатәи агазеҭ, 1690 шықәса]] [[Еиду Америкатәи Аштатқәа|Америка]] раԥхьатәи агазеҭ иахьӡын «[[Харрис, Бенджамин (издатель)#«Общественные события как иностранные, так и местные»|Ауаажәларратә хҭысқәа, аҳәаанырцәтәиқәа реиԥш, аҭыԥантәиқәагьы]]» (Publick Occurrences Both Forreign and Domestick). Уи [[Бостон]] ақалақь аҿы 1690 шықәса, цәыббрамза 25 рзы ашәҟәыҭиҩы [[Харрис, Бенджамин (издатель)|Бенџьамин Харрис]] иаԥиҵеит. Актәи аномер аҿы иарбан [[Аиндеицәа|Америка ашьагәыҭтә уааԥсыра]] рыпроблемақәа, уи аколониалтә мчрақәа даараӡа иргәамԥхеит, убри аҟнытә агазеҭ аркын. Анаҩстәи иахьӡын «Бостонтәи ажәабжьҳәаҩ». Уи аԥошьҭаҟаҵаҩ Џьон Кемпбелл 1704 шықәсазы иаԥиҵеит. Анаҩс, 1719 шықәсазы, [[Филадельфия|Филадельфиа]] иҭыҵит «The American Weekly Mercury», 1721 шықәсазы Бостон — «The New-England Courant», 1728 шықәсазы — «The Pennsylvania Gazette». Раԥхьатәи ажурналқәа цәырҵит 1741 шықәсазы: Ендриу Бредфорд и-«The American Magazine», [[Франклин, Бенџьамин|Бенџьамин Франклин]] и-«The General (magazine)»<ref>Шарков Ф. И. Политический консалтинг. — М.: Дашков и Ко, 2004. — 458 с. — ISBN 5-94798-482-2.</ref>. [[Американская революция|Америкатәи ареволиуциа]] аан агазеҭқәа рхархәарала ажәлар рыбжьара ахақәиҭра адоуҳа иаҵгәон, арратә усмҩаԥгатәқәа ргәы азҭарҵон. Абарҭ ашықәсқәа рзы иҭыҵуан «[[The Independent Advertiser]]». Аибашьра анынҵәа, 1787 шықәсазы ирыдыркылеит ареспублика қәыԥш Аконституциа. 1791 шықәсазы Азакәан Хада аԥсахрала ажурналистика ахақәиҭра шьақәырӷәӷәан: «Аконгресс ажәеи апрессеи рхақәиҭра ԥызкуа азакәан ҳәа акгьы аднакылаӡом». XVIII-тәи ашәышықәса анҵәамҭазы ЕАА есыҽнытәи агазеҭқәа 17, иара убас еиуеиԥшым апериодика змоу 200 ҭыжьымҭа ыҟан. Убри аан, дарбанызаалакгьы ихатә кьыԥхьтә ҭыжьымҭа аартра илшон — напыла [[Ручной типографский станок|акьыԥхьга]], ақьаад, аԥара маҷк ракәын иаҭахыз<ref>Ворошилов В. В. Теория и практика массовой информации. — М.: КНОРУС, 2017. — 464 с. — ISBN 978-5-406-05842-8.</ref>. ===XIX-тәи ашәышықәсазы апресса ароль аизҳара === [[Файл:Edward Villiers Rippingille (1798-1859) (possibly) - Reading the Gazette - 94033 - National Trust.jpg|thumb|250px|«Агазеҭ ажәабжьқәа». Едвард Вильиер Риппингхилл иҭыхымҭа, 1820-тәи ашықәсқәа.]] XIX-тәи ашәышықәсазы [[грамотность|аԥхьара-аҩра]] аизырҳара агазеҭқәа рыԥхьаҩцәа рхыԥхьаӡара еизнарҳаит, урҭ ртиражгьы еизҳаит, уигьы еиҳа иарманшәалеит [[Ротационная печатная машина|аротациатә кьыԥхьга машьына]] аԥҵара. Амассатә ԥхьаҩы дҟалеи — алагарҭатә аҵареи аагарҭа маҷи змоу ауаҩы. Агазеҭқәа ртираж аизырҳара иахҟьаны урҭ рҿы [[реклама|аӡыргара]] ахә еиҳахеит, уи иахҟьаны аӡыргара рацәаны изныз агазеҭқәа рыхәхаҭа аасҭа еиҵаны ирҭиуан, насгьы зегьы ироуратәы иҟан. [[электрический телеграф|Афымцатә телеграф]] аԥҵара иалнаршеит ажәабжьқәа ирласны хараӡа рыларҵәара. Агазеҭқәа ажәабжьқәа рыла еиқәзыршәоз [[информационное агентство|аинформациатә телеграфтә агентрақәа]] цәырҵит. Агазеҭқәа анырра ӷәӷәа рызҭо амыруга — «[[четвёртая власть|аԥшьбатәи амчра]]» ракәны иҟалеит<ref>{{Cite web |url=https://rodina-history.ru/2015/03/18/jurnalistika-rodina.html |title=Корни четвёртой власти |archive-date=2025-11-13 |access-date=2026-05-05 |archive-url=https://web.archive.org/web/20251113201052/https://rodina-history.ru/2015/03/18/jurnalistika-rodina.html |url-status=live }}</ref>. ===Арадио, ателехәаԥшра, аинтернет === 1920-тәи ашықәсқәа рзы [[радиовещание|арадиодырраҭара]] аҟалара ажәабжьқәа рыларҵәара еиҳагьы иарццакит. 1940-тәи ашықәсқәа инадыркны [[телевидение|ателехәаԥшра]] алаҵәара иабзоураны, атекст ма абжьы мацара акәымкәа, ахҭысқәа ирызку авидеоинформациагьы аиура алыршахеит. XX-тәи ашәышықәса анҵәамҭазы, [[спутниковое телевидение|амҩанызатәи]] [[кабельное телевидение|акабельтәи]] телехәаԥшра аҿиара абзоурала иҷыдоу ажәабжьтә каналқәа ҟалеит, иааиԥмырҟьаӡакәа уахи-ҽни аус зуаз. Аҵыхәтәаны, [[Интернет|аинтернет]] аҿиареи [[интернет-СМИ|аинтернет-АИХ]] рцәырҵреи ирыбзоураны, уажәтәи аамҭазы ажәабжьқәа иаразнак адунеи зегьы ирылаҵәоит. == Атипологиа == «АИХ» (АКХ, амассатә коммуникациатә хархәагақәа) еиуеиԥшым аҟазшьақәа рыла ахкқәа рыла еихшазар алшоит. === Аларҵәара аҭыԥ === «Амассатә информациатә хархәагақәа» зегьы ари акритериала вертикалла еихшоуп, [[Государство|ҳәынҭқаррак]] [[административно-территориальное устройство|административтә-дгьылҵакыратә еиҿкаара]] инақәыршәаны, насгьы ирбага хаданы иҟоуп иарбоу АИХ зымаҵ руа адгьылҵакыра, уи ахьҭыҵуа аҭыԥ акәымкәа. Убри инақәыршәаны, акласс аҵаҟагьы аихшарақәа ыҟоуп: * атрансмилаҭтә АИХ (даҽакала иуҳәозар, еиуеиԥшым аҳәынҭқаррақәа ртерриториаҿы, жәларбжьаратәи амасштаб аҿы ауаа [[информационные потребности|ринформациатә ҭахрақәа]] иааиԥмырҟьаӡакәа рымаҵ зуа); * амилаҭтә АИХ (атәыла зегьы аҿы мамзаргьы уи аиҳарак аҿы аамҭак азы аус зуа); * арегионалтә АИХ (зымаҵзуратә ҭыԥ аҳәынҭқарра иҷыдоу административтә еилазаара, мамзаргьы ҭоурыхла ишьақәгылоу, ҷыдарақәак змоу атәыла ахәҭак аҵанакуа — иаҳҳәап, [[Урал]], мамзаргьы [[Российская Федерация|Урыстәылатәи Афедерациа]] аганахьала [[Дальний Восток|Харатәи Мрагылара]]); * аҭыԥантәи АИХ (даҽакала иуҳәозар, араионтәи, ақалақьтәи, акорпорациатәи, аиҿкааратәи уҳәа урҭ иреиԥшу). Акьыԥхьтәи (еиҳа имаҷны) аудиовизуалтәи «АИХ» рзы иҷыдоу атенденциа ыҟоуп, уи инақәыршәаны ауааԥсыра егьырҭ зегьы раасҭа арегионалтә массатә информациатә хархәагақәа еиҳа аԥыжәара арҭоит. Уи еиҳарак изыбзоуроу аҭыԥантәи аредакциа ауааԥсыра рҭахрақәа еиҳа инарҭбааны хшыҩзышьҭра рыҭара, еиҳа демократиала ахәԥсатә политика ашьақәыргылара ахьалшо ауп. === Ашьаҭаркҩы === Урыстәылатәи азакәанԥҵара, иаҳҳәап, [[Физическое лицо|афизикатә хаҿқәа]] реиԥш [[Юридическое лицо|аиуристтә хаҿқәагьы]] амассатә информациа ахархәагақәа ирышьаҭаркҩцәаны аҟалара азин рынаҭоит, аԥкрақәа зынӡаск имаҷуп. Урыстәылатәи Афедерациаҿы «АИХ» раԥҵара аԥҟара — ашәҟәҭагаларатә ауп; еиҳа иӷәӷәоу азинҭаратә еиԥшымкәа, ари апроцедура ала, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа АИХ раԥҵаразы арзаҳал шьақәдырӷәӷәоит, насгьы уи аҳасабырбахь иҭарыҩуеит. Арадиоцәқәырԥатә спектр иарбоу аҭаӡарақәа зхы иазырхәо аудиовизуалтә «АИХ» аларҵәаразы азинқьаадгьы рҭахуп. === Аудиториа === {{main|АИХ раудиториа}} АИХ азеиԥштәи ҷыдалатәи ҳәа еиҟәшоуп — аҵыхәтәантәи аҭагылазаашьаҿы урҭ темак иазкуп, убри инақәыршәаны, аудиториа зегьы акәымкәа, уи ахәҭак ауп изызку. Абизнес наплакратә усура ахықәкқәа рзы ахықәкытә аудиториа аилкаара еилыкка иахьыҟоу амассатә коммуникациа ахархәагақәа ҭышәынтәаларак рзаԥнаҵоит, аха урҭ раалыҵқәа [[спрос|рҭахра]] амҽхак армаҷуеит. Асоциологиатә ҭҵаарақәа изларҳәо ала, ажурналистцәа рҭыжьымҭақәа зызку аудиториа иазкны еснагь иахәҭоу аилкаара рымаӡам, уи иалҵшәаны аматериалқәа абжьаратәи аҩаӡара рымоуп, ахаҭарагьы рцәыӡуеит, насгьы АИХ еиҳа-еиҳа еиԥшхоит. === Азакәанра === Амассатә коммуникациа ахархәагақәеи иахьа иҟоу азакәанԥҵареи рыбжьара иҟоу аизыҟазаашьақәа рганахьала, иалыркаауеит изакәантәу АИХ (даҽакала иуҳәозар, [[Закон (право)|закәанла]] азин змоу, ашәҟәҭагалара иахысхьоу, акьыԥхьратә ма аларҵәаратә усурахь инашьҭу), аквазизакәантә (закәанла азин змыхым, аха уи аамҭазы азингьы змам) насгьы изакәантәым (ахьӡ ишаҳәо еиԥш, закәанла азин змам). Амассатә информациатә хархәагақәа изакәантәым акатегориахь риагара мзызс иамазар алшоит (ашәҟәҭагалара асертификатқәа, аларҵәаратә зинқьаадқәа уҳәа раԥыхрала), иаҳҳәап, [[Свобода массовой информации|амассатә информациа ахақәиҭра]] еиуеиԥшым аформақәа рыла ламысдарала ахархәара. Зны-зынла АИХ рҭагалара аҭахӡам — иаҳҳәап, з[[тираж]] зықь цыра еиҵаны иҭыҵуа апериодикатә ҭыжьымҭа акәзар. === Ахаҭабзиара === Амассатә коммуникациатә хархәагақәа русура ахаҭабзиара раԥхьаӡа иргыланы ахшыҩзышьҭра аҭара Мраҭашәаратәи АКХ ртеориа (Мраҭашәара атәылақәеи егьырҭ атәылақәа жәпаки рҿы) еиуеиԥшым афакторқәа рыла иалкаауп — астили архиашьеи, азҵаарақәеи аудиториеи, атиражи аларҵәареи рҷыдарақәа рыла. Убри инамаданы «зхаҭабзиара ҳаракыу» АКХ ирҷыдаҟазшьоуп иаагоу афактқәа уахьынӡазрықәгәыӷуа агәаҭара, иаарԥшу агәаанагарақәа аналитикатә ҟазшьа рымазаара, насгьы аҭыжьымҭақәа рыхәшьарақәеи ртонқәеи рҿы аизыҟазаашьеи аҭынчреи рыҽрызԥышәара. Амассатә АКХ зегь раԥхьаӡа иргыланы адырраҭарақәа ргәырҿыхагатә функциа иазырхоуп, [[Сенсация|асенсациатә]] ҟазшьа змоу аматериалқәа еиҳа еиӷьыршьоит, насгьы ахәаԥшратәи аекспрессивтәи хархәагақәа ахшыҩзышьҭра ду рырҭоит. «Ахаҭабзиара» арбага ахаҭа азанааҭтә ҟазара аҩаӡара ахаҭа акәым иаанаго: амассатә пресса аҭагылазаашьаҿы, астандартқәагьы даараӡа иҳаракхар ауеит, зхаҭабзиара ҳаракыу АКХ рҟны еиԥш иҳаракымзаргьы. Урыстәылатәи ажурналистика, егьырҭ атәылақәа рҿы иҟоу ажурналистика еиԥш, еилаԥсоу анырра ахкы аҷыдаҟазшьоуп, ҭыжьымҭак аҳәаақәа ирҭагӡаны зхаҭабзиара ҳаракуи ипопулиартәуи АКХ рҟазшьа ҷыдақәа аныҟоу. === Акьыԥхьратә ҷыдаҟазшьақәа === Ари ҭагылазаашьаҿы ихадоу — АИХ рлассы-лассра, раларҵәара, ртираж, уи аформат, амҽхак ирызку адыррақәа реизга ауп; уи иақәшәо арбагақәа анырра рырҭоит, иаҳҳәап, адыррақәа реимдара арласразы аҭахрақәа. Апериодика аганахьала, иалкаазар ауеит аҭыжьымҭақәа: есыҽнытәи, есымчыбжьатәи, есымзатәи, ескварталтәи, уҳәа убас иҵегьы. == Амассатә коммуникациатә хархәагақәа рсистема == Хыхь еиқәыԥхьаӡаз амассатә информациа ахархәагақәа рыхкқәа зегьы еицны иаку амассатә коммуникациа ахархәагақәа рсистема шьақәдыргылоит. Еилазаашьала ари асистема х-гәыԥк рыла еихшоуп: * Акьыԥхьтә пресса ([[газеты|агазеҭқәа]], [[журналы|ажурналқәа]]...) * Аудиовизуалтә АКХ ([[радио|арадио]], [[телевидение|ателехәаԥшра]]...) * Аинформациатә маҵзурақәа ([[Информационное агентство|ажәабжьтә агентрақәа]], [[Пресс-служба|апресс-маҵзурақәа]]...) Убасгьы иалкаауп [[Интернет|аинтернет]] ароли аҵаки рызҵаарагьы. Иахьазы аинтернет АКХ рахь иаҵанакуам ҳәа иԥхьаӡоуп, аха уи аганахьала еиуеиԥшым агәаанагарақәа ыҟоуп: зны-зынла [[Киберпространство|акиберҭыԥ]] аҿы ажурналистика АКХ рҟазшьақәа ирықәшәоит ҳәа иԥхьаӡоуп, зны-зынла — иақәшәом ҳәа. Аҵарауаа ахшыҩзышьҭра рырҭоит еиуеиԥшым афакторқәа, урҭ иреиуоуп аинтернет «амассатә информациатә хархәагақәа» закәанла иахьырхыԥхьаӡалам, иара убасгьы АКХ ринтернеттә версиақәа рконсерватизм: аԥхьаҩ амассатә коммуникациа ахархәага дшадҳәалоу аҟазшьа аҽаԥсахӡом — уи аҭалара азнеишьа ауп еиҳа-еиҳа иманшәалахо. Убри аҟнытә, Урыстәылатәи Афедерациаҿы иҟоу амассатә доуҳатә нырра асистема аиқәырхара иазку аурыс ҭҵаарақәа рҿы аинтернет еиҳарак иҷыдоу АКХ, зхатә ԥсабара змоу еиԥш акәымкәа, ишьақәгылахьоу аинформациатә еилазаара хкык аҳасабала иԥхьаӡоуп, уи зегьы, амассатә коммуникациа ахархәагақәа рредакциақәагьы уахь иналаҵаны, рхы иадырхәалар ауп<ref>{{книга|автор=Корконосенко С.Г.|заглавие=Основы журналистики|место=М|издательство=Аспект Пресс|год=2001|страниц=287|isbn=5-7567-0158-3}}</ref>. === Аинтернет-АКХ === {{see also|Аинтернет-журналистика|Аинтернет-ҭыжьымҭа|Ажәабжьтә саит (ажәабжьқәа рсаит)|Аелектронтә журнал}} [[Интернет|Аинтернет]] ацәырҵреи аларҵәареи рыбзоурала, уи ахаҭа еиуеиԥшым аганқәа рыла амассатә коммуникациатә хархәагас ахархәара иалагеит, уи аҳәаақәа ирҭагӡаны атрадициатә коммуникациа ахархәагақәа аусура иалагеит, иара убасгьы иҟалеит [[интернет-СМИ|аинтернет-АКХ]]. Урҭ иаарласны еицырдыруа иҟалеит, аха урҭ раудиториа уажәгьы «атрадициатә» (ус рыхьӡырҵеит) АКХ раасҭа акырӡа имаҷуп. Шамахамзар АКХ зегьы аинтернет аҿы а[[сайт|саитқәа]] рымоуп, урҭ рҟынтәи ирацәоуп еиԥмырҟьаӡакәа иҿыцхо адыррақәа зкьыԥхьуа: ԥҟараны, урҭ еиԥшу аматериалқәа ринтернеттә версиақәа роуп, зны-зынла урҭ иагханы иҭыҵуеит, зны-зынла аматериалқәеи/мамзаргьы архивқәеи рҭаларазы ахә ахшәаатәуп. [[интернет-радио|Аинтернет-радиои]] [[интернет-телевидение|аинтернет-телехәаԥшреи]] ирласны аҿиара иаҿуп. 2017 шықәса жьҭаарамзазы, [[Всероссийский центр изучения общественного мнения|ВЦИОМ]] имҩаԥнагаз аҭҵаара ала, зықәра наӡахьоу аурысцәа ргәыԥ рҟынтә 16% есыҽны аинтернет аҿы агазеҭқәеи ажурналқәеи ирыԥхьоит (онлаинтәи аҭыжьымҭақәа, акьыԥхьтә газеҭқәа релектронтә версиақәа), даҽа 20% мчыбжьык аҩнуҵҟа изныкымкәа ирыԥхьоит. Астатиақәа релектронтә версиақәа еиҳа аԥыжәара рызҭо ареспондентцәа рыхәҭаа 47% аҟынӡа еизҳаит<ref>{{Cite web|url=https://wciom.ru/index.php?id=236&uid=116624|title=Эпоха цифровых медиа: бумага против экрана|author=ВЦИОМ|website=|date=2018-01-10|publisher=|access-date=2018-02-04|archive-date=2018-02-05|archive-url=https://web.archive.org/web/20180205000936/https://wciom.ru/index.php?id=236&uid=116624|url-status=dead}}</ref>. Аинтернет-АКХ рхатәы хашәалахәы еиҳарак [[Реклама|аӡыргара]] аҟынтәи ироууеит, урҭ еиҿкаарак ажәабжьҳәаратә органк аҳасабала аԥара рзоужьра шалшогьы. Аинтернет-АКХ-еи АКХ-еи рыбжьара иҟоу азакәантә еиԥшымзаара азҵаарала атәылақәа жәпакы рҿы ирацәаны аиҿцәажәарақәеи аусеилыргарақәеи мҩаԥысуеит (иаҳҳәап, [[дело Терентьева|Терентиев иус]]). Аинтернет-АКХ рыҿиара иабзоураны, есышықәса ақьаадтә пресса аԥыжәара азҭо ауаа рхыԥхьаӡара маҷхоит. 2009 шықәсазтәи ауаажәларратә ҭҵаарақәа иаадырԥшит 18-инаркны 35-нӡа зхыҵуа [[США|ЕАА]] инхо ауаа рҟынтә 19% мацара ақьаадтә пресса ишаԥхьо. ЕАА ақьаадтә газеҭқәа ирыԥхьо рықәра бжьаратәла 55 шықәса ыҟоуп. ЕАА иҭыҵуа есыҽнытәи агазеҭқәа зегьы ртираж 1989 шықәса инаркны 2009 шықәсанӡа ацыԥҵәахаҿы 62 миллион рҟынтәи 49 миллион рҟынӡа еиҵахеит<ref name="autogenerated20130721-1" />. == Ҳаамҭазтәи ахырхарҭақәа: Аинтернет, амедиаконвергенциа, насгьы «амедиа ҿыцқәа» == {{see also|Амедиа ҿыцқәа}} <blockquote>30 шықәса рышьҭахь, иҟалап «АИХ» ҳәа изышьҭоу аилкаара зынӡагьы иҟамлар. Ҳара уажәнатәгьы ҳхы иаҳархәоит атермин «амедиа» — уи еиҳа иҭбаауп. Асоциалтә еимадарақәеи аелектронтә АИХ аинформациа иахыҵхырҭақәаны иаанхоит, аналитика ақьаадтә газеҭқәеи ажурналқәеи рҿы еизгахоит. Акьыԥхьтә прессаҿы ԥхьаҟатәи аԥеиԥш ҷыдалатәи агазеҭқәеи ажурналқәеи иртәхоит. ''[[Засурский, Ясен Николаевич|И. Н. Засурски]]'', [[Факультет журналистики МГУ|Москәатәи аҳәынҭқарратә университет ажурналистика афакультет]] апрезидент<ref name=":0">{{Cite web|lang=ru|url=https://esquire.ru/rules/85182-pravila-zhizni-yasena-zasurskogo/|title=Правила жизни Ясена Засурского|author=[[Прутцков, Григорий Владимирович]]|website=Журнал Esquire|date=2021-08-01|access-date=2021-08-05|archive-date=2021-08-05|archive-url=https://web.archive.org/web/20210805152240/https://esquire.ru/rules/85182-pravila-zhizni-yasena-zasurskogo/|url-status=live}}</ref>.</blockquote> [[Файл:Apple News iOS 2019.PNG|мини|[[Apple News+]] Ажәабжьқәа рҟәша]] Аинтернет аҿиара абзоурала амассатә информациатә хархәагақәа рыҿиараҿы аҩаӡара ҿыц иалагеит, уи АИХ аконвергенциа апроцесс, мамзаргьы амедиаконвергенциа ҳәа иашьҭоуп. Раԥхьаӡа атрадициатә АИХ (агазеҭқәа, ажурналқәа, ателеканалқәа, арадиостанциақәа) баша ринтернеттә версиақәа ршон. Убри аамҭазы акьыԥхьтәи аларҵәаратәи аналог змам аинтернет-АИХ-гьы цәырҵуан. Анаҩс АИХ рсаитқәа амультимедиатә ресурсқәа рахь ииасуа иалагеит: агазеҭ асаит аҿы икьыԥхьу астатиа аԥхьара мацара акәымкәа, егьырҭ атекстқәеи аудиовизуалтә материалқәеи раиура алшара ҟалеит (ҷыдала, иахьыҟазаалакгьы, ианакәызаалакгьы уззыӡырҩуа а[[подкаст|подкастқәа]] рҭаҩра); ателеканал интернеттә версиа ала ажәабжьқәа рыхәаԥшра мацара акәымкәа, уаҟа иацу ажәабжь аԥхьара. «[[пользовательский контент|Ахархәаҩцәа иҟарҵо аконтент]]» — аԥхьаҩцәеи ахәаԥшцәеи иаарышьҭуа афото-видеоматериалқәа, интернетла абжьыҭирақәеи аҭҵаарақәеи рылҵшәақәа — еиҳа-еиҳа аҵакы роууеит; насгьы аԥхьаҩцәа астатиақәа рзы иҟарҵо азгәаҭақәа. Иҟалеит акомпаниақәагьы (Jukin Media, Storyful) ахархәаҩцәа рвидеоматериалқәа ргәаҭареи рлицензиаҭареи знапы алаку, адунеи аҿы аԥхьагылара змоу [[ведущие СМИ|АИХ]] рҿы реиҭаҭиразы. [[социальная сеть|Асоциалтә еимадарақәа]] рыҿиара иахҟьаны, АИХ асоциалтә еимадарақәа рҿы рхатә даҟьақәа раԥҵара иалагеит. АИХ иара убас асмартфонқәа рзы априложениақәа раԥҵара иалагеит, урҭ рыла офлаин аԥхьара/ахәаԥшра/азыӡырҩразы аконтент аҭаҩра алыршахоит, насгьы ахархәаҩ игәазыҳәарақәа инарықәыршәаны АИХ рматериалқәа реиҿкаара алыршахоит. Ас еиԥш априложениақәа рхархәаҩцәа ирылшоит аконтент еимырдар, аелектронтә ԥошьҭа, [[Facebook]], [[Twitter]] рхы иархәаны<ref>{{Cite web |url=https://cyberleninka.ru/article/n/etapy-razvitiya-protsessa-mediakonvergentsii-v-popytkah-opisat-globalnye-izmeneniya-v-razvitii-smi-s-1990-2015-gg |title=Этапы развития процесса медиаконвергенции (в попытках описать глобальные изменения в развитии сми с 1990—2015 гг.) |archive-date=2024-08-05 |access-date=2024-08-05 |archive-url=https://web.archive.org/web/20240805105847/https://cyberleninka.ru/article/n/etapy-razvitiya-protsessa-mediakonvergentsii-v-popytkah-opisat-globalnye-izmeneniya-v-razvitii-smi-s-1990-2015-gg |url-status=live }}</ref>. Асоциалтә ҳақәа рыбзоурала, ахархәаҩ лассы-лассы «[[френд|иҩызцәа]]» рҟынтәи арепостқәа рыла иарбанызаалак ҭыжьымҭак асаит ахь днеиуеит, насгьы ажурналисттә материал аилкааразы лассы-лассы «аҩыза» ихҳәаа иазааҭгылоит. Убри аан, ас еиԥш иҟоу аларҵәаҩ-«аҩыза» игәыԥ азы бренд хкык еиԥш дҟалоит, агәыԥ азы акыр зҵазкуа атекст ахаҭабзиаразы ашьақәырӷәӷәара ҟазҵо, АИХ ахаҭа абренд уиаҟара аҵакы амаӡам. [[новостной агрегатор|Ажәабжьтә агрегаторцәагьы]] иара убас аҵак ду рыманы иҟалеит — ауаа, иаҳҳәап, «[[Дзен (контентная платформа)|Дзен]]» асаит иҭаланы «иреиӷьу ажәабжьқәа» ахшыҩзышьҭра рырҭоит, еиҳа иргәаԥхо атема алырхуеит, насгьы ари атема иазку АИХ рҟны ажәабжьқәа азхьарԥшқәа ирықәныҟәаны ирыԥхьоит<ref>{{Cite web |url=https://cyberleninka.ru/article/n/internet-smi-i-sotsialnye-seti-etapy-konvergentsii |title=Интернет-сми и социальные сети: этапы конвергенции |access-date=2024-08-05 |archive-date=2024-08-05 |archive-url=https://web.archive.org/web/20240805105849/https://cyberleninka.ru/article/n/internet-smi-i-sotsialnye-seti-etapy-konvergentsii |url-status=live }}</ref>. [[блог|Аблогқәеи]] асоциалтә ҳақәеи рыбзоурала, мышқәаки сааҭқәаки рыла ахала-ентузиастцәа уажәшьҭа атрадициатә АИХ рредакциа еиԥшны иҟалар рылшоит. Аблогери ажурналисти русурақәа рыбжьара иҟоу аҳәаа еиҳа-еиҳа иӡуеит<ref>{{Cite web |url=https://mobile-review.com/all/articles/misc/soczseti-protiv-tradiczionnyh-smi-vojna-ili-net/ |title=Соцсети против традиционных СМИ: война или нет? |access-date=2024-08-05 |archive-date=2024-08-05 |archive-url=https://web.archive.org/web/20240805105847/https://mobile-review.com/all/articles/misc/soczseti-protiv-tradiczionnyh-smi-vojna-ili-net/ |url-status=live }}</ref>. Даҽа ганкахьалагьы, асоциалтә ҳақәа рҿы аинформациа ахьырацәоу иахҟьаны, атрадициатә АИХ рыхьӡ еиӷьхеит. Раԥхьаӡа инаргыланы, ажурналисти аредактори аинформациа аҵыхәтәантәи ахархәаразы ихиоу ахәҭақәа рыла «иԥырҟоит», аха асоциалтә ҳақәа рҿы ажәабжьқәа рлента ҵыхәаԥҵәара амам. Иҩбахаз, асоциалтә ҳақәа аинформациа атематикатә хықәкқәа рыла акәымкәа, аҵакы ала ирышьҭуеит, убри аамҭазы иарбанзаалак АИХ рҟны иҟоу аҟәшақәа реиҿкаашьа амшхәаԥштәы зегьы инагӡаны иаанарԥшуеит. Ихԥахаз, АИХ рҿы аинформациа акьыԥхьразы «идрыцқьоит», даҽакала иуҳәозар, иҟоуп аредакциатә алԥшаареи аредакциатә политикеи<ref>{{Cite web |url=https://jrnlst.ru/2019/04/01/6623/ |title=Четыре преимущества журналистики перед соцсетями |access-date=2024-08-05 |archive-date=2024-05-22 |archive-url=https://web.archive.org/web/20240522174810/https://jrnlst.ru/2019/04/01/6623/ |url-status=live }}</ref>. == Амеинстримтәи альтернативатәи АИХ == Атермин «менстрим» идуу ажәабжьҳәаратә агентрақәеи, ателеканалқәеи, арадиостанциақәеи ирызкуп. Урҭ ирныԥшуеит урҭ напхгара рызҭо аҳәынҭқаррақәеи акорпорациақәеи иахьатәи ахҭысқәа рзы ргәаанагарақәа. Иҟоуп [[альтернативные медиа|аальтернативатә медиагьы]] — амеинстримтә АИХ иреиԥшым аредакциатә политикеи амшхәаԥштәи змоу аинформациатә ресурсқәа реизга. Аальтернативтә медиа ЕАА шьаҿаӷәӷәала ацәырҵра иалагеит 1980—1990-тәи ашықәсқәа рзы зыхә цәгьам ақьаад аҿы икьыԥхьуа ажурналқәа рформала, ԥҟараны [[ультралевые|арымарахьтәи]] аполитикатә позициақәа аанызкылоз. Аинтернет аҿиара еиуеиԥшым альтернативатә медиа аҿиара иацхрааит<ref>{{Cite web |url=https://cyberleninka.ru/article/n/interpretatsiya-kartiny-mira-v-meynstrimovskih-i-alternativnyh-media |title=ИНТЕРПРЕТАЦИЯ КАРТИНЫ МИРА В МЕЙНСТРИМОВСКИХ И АЛЬТЕРНАТИВНЫХ МЕДИА |archive-date=2024-08-05 |access-date=2024-08-05 |archive-url=https://web.archive.org/web/20240805155841/https://cyberleninka.ru/article/n/interpretatsiya-kartiny-mira-v-meynstrimovskih-i-alternativnyh-media |url-status=live }}</ref><ref>{{Cite web |url=https://cyberleninka.ru/article/n/klassifikatsiya-alternativnyh-media |title=КЛАССИФИКАЦИЯ АЛЬТЕРНАТИВНЫХ МЕДИА |access-date=2024-08-05 |archive-date=2024-08-05 |archive-url=https://web.archive.org/web/20240805155840/https://cyberleninka.ru/article/n/klassifikatsiya-alternativnyh-media |url-status=live }}</ref>. == Аилазаараҿы анырра == {{main|Амассатә информациа ахархәагақәа рнырра}} {{see also|Аԥхьагылара змоу АИХ|Аальтернативатә медиа|Аҵабырг амедиахь аиагара|Ажәлар рыхдырра амҩақәҵара|Амшхәаԥштәы аԥҵара атеориа|Амедиа аеффект|Амедиахьыԥшра}} Амассатә информациатә хархәагақәа ҳаамҭазтәи аилазаараҿы анырра ду рымоуп. Иҟоуп агәаанагара, амассатә информациатә хархәагақәа [[Медиакультура|амедиакультура]] шьақәдыргылоит ауаа хаҭала ркультура аҟазшьатәи аинтеллектуалтәи нырра аҭарала ҳәа. Уи аан, АИХ аҳәынҭқарра анапхгара аҵаҟа иҟазар, усҟан еиуеиԥшым ауаажәларратә хдырра амҩақәҵара ахкқәа лассы-лассы амчрақәа ринтересқәа рзы ахархәара арҭоит. [[Нюрнбергский процесс|Ниурнмбергтәи апроцесс]] аҟны [[Шпеер, Альберт|А. Шпеер]] аҵыхәтәантәи иажәақәа рҿы иҳәеит арадиои абжьырдугеи реиԥш иҟоу атехникатә хархәагақәа рыбзоурала «80 миллионҩык ауаа рхатә хәыцра шрымхыз»<ref name="автоссылка1">{{Cite web |url=https://cyberleninka.ru/article/n/vozdeystvie-sredstv-massovoy-kommunikatsii-na-sovremennoe-obschestvo |title=Воздействие средств массовой коммуникации на современное общество |access-date=2024-08-05 |archive-date=2024-08-05 |archive-url=https://web.archive.org/web/20240805162524/https://cyberleninka.ru/article/n/vozdeystvie-sredstv-massovoy-kommunikatsii-na-sovremennoe-obschestvo |url-status=live }}</ref>. Иахьатәи аамҭазы аинтернет аҿы (асоциалтә ҳақәеи аблогқәеи рҿы) асоциалтә проблемақәа ма аҭагылазаашьа хьанҭақәа ирызку аицәажәарақәа атрадициатә АИХ урҭ рзааҭгылареи рканалқәа рыла урҭ адыррақәа раларҵәареи мчыла ирыдцалахоит. Иаҳҳәап, [[Google (компания)|Google]] Мысратәи анапхгаҩ нага В. Гоним, [[Революция в Египте (2011—2013)|2011 шықәсазы Мысра иҟалаз ареволиуциатә хҭысқәа]] ирыдҳәаланы, «Мысра ашьҭахь иарбан тәылоу анаҩстәи ареволиуциа ахьалаго?» ҳәа азҵаара «[[Facebook]] иазҵаатәуп» ҳәа аҭак азыҟеиҵеит<ref name="автоссылка1" />. АИХ лассы-лассы аилазаараҿы еиуеиԥшым ашәареи агәҭынчымреи рцәырҵреи раларҵәареи иацхраауеит. Урҭ ҷыдаҟазшьас ирымоуп агәаҟрақәеи, ацәгьоурақәеи уҳәа рызҿлымҳара. Ажәабжьқәа рыхқәа рхаҭақәа, драматизмла аматериал ауаа разхьарԥшразы иҟаҵоу, ашәареи агәҭынчымреи рызцәырнагар алшоит<ref>{{Cite web |url=https://cyberleninka.ru/article/n/priroda-massovoy-kommunikatsii-i-mediakonstruirovanie-strahov |title=ПРИРОДА МАССОВОЙ КОММУНИКАЦИИ И МЕДИАКОНСТРУИРОВАНИЕ СТРАХОВ |archive-date=2025-08-15 |access-date=2025-08-08 |archive-url=https://web.archive.org/web/20250815050341/https://cyberleninka.ru/article/n/priroda-massovoy-kommunikatsii-i-mediakonstruirovanie-strahov |url-status=live }}</ref><ref>{{Cite web |url=https://www.ifapcom.ru/files/Monitoring/barinov_mass_komm_factor_trevojn.pdf |title=Массовая коммуникация как фактор формирования социальной тревожности |archive-date=2022-04-01 |access-date=2025-08-08 |archive-url=https://web.archive.org/web/20220401092638/http://www.ifapcom.ru/files/Monitoring/barinov_mass_komm_factor_trevojn.pdf |url-status=live }}</ref>. [[Шимов, Ярослав Владимирович|Иарослав Шимов]] ишииҩуа ала<ref>{{Cite web |url=https://magazines.gorky.media/oz/2003/4/akvarium.html |title=Аквариум |archive-date=2025-08-13 |access-date=2025-08-08 |archive-url=https://web.archive.org/web/20250813173805/https://magazines.gorky.media/oz/2003/4/akvarium.html |url-status=live }}</ref>: <blockquote> ...ажәабжьқәа — улаԥш зыдхало, есыҽнытәи аԥсҭазаара аҩаӡара аҵкыс еиҳау акы ауп, насгьы ажурналистцәа ахара рыдымзар ҟалап урҭ «аҳаракырақәа» рӷьырак катастрофаны, мамзаргьы угәы узырхьуа цәырҵраны иахьыҟоу азы. Аха аинформациатә ҟазара ихадоу ҷыдаҟазшьас иамоу, есыҽнытәи аԥсҭазаара азҿлымҳара аҟынтәи иалхны (уи ауаа реиҳараҩык рыԥсҭазаара 90 наӡын рыла, мамзаргьы еиҳаны ишьақәгылоу), АИХ ирҭахы-ирҭахым аудиториа ирыдырцалоит абжьааԥнытәи аԥсҭазаара зынӡа иҟам ҳәа агәаанагара. Есыҽны ҳакәша-мыкәша иаҳбои агазеҭқәа ирыҩуеи, телехәаԥшрала иадырбои лассы-лассы иахьеиқәымшәо азы ауп амасс-медиа «ацәаныррақәа дырбыжкуеит», насгьы «аҵабырг дыреиқәаҵәоит» ҳәа агәаанагара зыҟало. </blockquote> == Еиуеиԥшым атәылақәа рҿы АИХ == === Урыстәыла === {{main|Урыстәылатәи амассатә информациатә хархәагақәа}} [[Федеральный закон Российской Федерации|Урыстәылатәи Афедерациа Азакәан]] 1991 шықәса, ԥхынҷкәынмза 27 рзтәи № 2124-1 «Амассатә информациатә хархәагақәа ирызку») «АИХ» (АКХ) закәу ҳәа аилыркаа ҟанаҵоит [[Периодические издания|апериодикатә кьыԥхьтә ҭыжьымҭақәа]], а[[Радиовещание|радио]]-, а[[Телевещание|теле]]-, авидеопрограммақәа, акино[[хроника|хроникатә]] программақәа, иара убас ''[[Массовая культура|амассатә]] [[Информация|информациа]]'' аларҵәара егьырҭ аформақәа ҳәа. Амассатә информациа ҳәа азакәанԥҵаҩы еиликаауеит «[[Широковещательный канал|ԥкра змам ауаа]] рзы иҟоу акьыԥхьтә, абжьытә, аудиовизуалтә уҳәа, егьырҭ адырраҭарақәеи аматериалқәеи». Урыстәылатәи ахыҵхырҭақәа рыла, АКХ анаҩстәи аҷыдарақәа рымоуп: * амҽхакра ([[Российская Федерация|Урыстәылатәи Афедерациа]] азакәанԥҵара иадҳәаланы, агазеҭқәеи, ажурналқәеи, ацҳамҭақәеи рзы 1000 екземплиар, еиҳангьы); * алассы-лассра, шықәсыкахь знык еиҵамкәа; * амчхара: асигнал ахыҵхырҭак (амҩаԥгаҩ, аредакциа) — аӡырҩцәа рацәаҩны. Урыстәылатәи Афедерациа Азакәан «Амассатә информациатә хархәагақәа ирызку» инақәыршәаны, «АИХ» (АКХ) ҳәа изышьҭоу амассатә коммуникациа асубиектқәа реизга ауп, апериодикатә кьыԥхьтә ҭыжьымҭа (агазеҭ, ажурнал, альманах, абиуллетен, иара убас зҽызымԥсахуа ахьӡи аномери змоу, шықәсык ахь знык еиҵамкәа иҭыҵуа егьырҭ аҭыжьымҭақәа), арадио-/теле-/видеопрограмма, акинохроникатә программа уҳәа, амассатә информациа лассы-лассы аларҵәара даҽа формак реиԥш иҟоу<ref>{{Cite web |url=http://base.garant.ru/10164247/1/#100 |title=Общие положения |access-date=2010-09-04 |archive-date=2010-06-19 |archive-url=https://web.archive.org/web/20100619025833/http://base.garant.ru/10164247/1/#100 |url-status=live }}</ref>.<br>Урыстәыла «АИХ» (АКХ) рахь иаҵанакуам: аҭыӡгазеҭқәа, тираж маҷла иҟоу аҭыжьымҭақәа, ашәҟәыҵәахырҭақәа<ref>Вопреки стойкому заблуждению, вызванному непониманием механизма распространения информации в сети Интернет и других сетях. См. «Юридическое заключение о природе сайтов в сети Интернет» кафедры ЮНЕСКО</ref>. [[Телевидение|Ателехәаԥшра]] аадырԥшуеит Урыстәылазегьтәи ателеканалқәа 23, амҩанызатәи акабельтәи телеканалқәа 117 рҟынӡа, Урыстәыла анҭыҵ ирыладырҵәо ателеканалқәа 15, арегионалтә телеканалқәа 180 рҟынӡа, ақалақь хәыҷқәеи ақыҭақәеи рҿы 30 рҟынӡа аканалқәа. Ателеканалқәа зегьы рхыԥхьаӡара 330 раҟара ыҟоуп<ref name="dok_grig"/>. [[Печатные издания|Акьыԥхьтә ҭыжьымҭақәа]] — Урыстәылатәи Афедерациаҿы еиҳа ирылаҵәоу АИХ ирыхкуп. 2009 шықәса алагамҭазы Урыстәылатәи Афедерациаҿы ашәҟәы иҭагалан 27 425 газеҭи есымчыбжьатәи ажурналқәеи; иара убас ашәҟәы иҭаҩуп 20 433 журнал, 787 альманах, 1297 еизга, 1519 биуллетен, иара убас амҳалдызтә ныҟәгага иану 214 ҭыжьымҭа. Зынӡа 2009 шықәса алагамҭазы ашәҟәы иҭагалан 51 725 кьыԥхьтә АКХ. 2008 шықәсазы есыҽнытәи амилаҭтә газеҭқәа зегьы еицырзеиԥшу раудиториа 6522,2 нызқьҩык ауааԥсыра шьақәнаргылон, насгьы азеиԥш милаҭтәи азеиԥш бизнестәи ҵакы змоу есымчыбжьатәи агазеҭқәа — 14 019,2 нызқьҩык ауаа, уи инақәыршәаны, ақалақь аҿы инхо ауааԥсыра рҟынтә 11,3% насгьы 24,2% ҟарҵон. Ажурналқәа зегьы еизакны рудиториа 36,2 миллионҩык ыҟан 2008 шықәса анҵәамҭазы. ВЦИОМи ФОМи рҟынтәи адыррақәа иҳалдыршоит Урыстәылатәи Афедерациа ауааԥсыра рҟынтәи 62% рҟынӡа аамҭа-аамҭала ажурналқәа ишрыԥхьо ала алкаа аҟаҵара. Еиҳа еицырдыруа иҟоуп акино-телегидқәа (28,5%), аҳәса ртәи амодатәи аҭыжьымҭақәа (28,1%)<ref name="dok_grig">{{книга|заглавие=Российский рынок периодической печати. Состояние, тенденции и перспективы развития : Доклад|ответственный=Под общ. ред. В. В. Григорьева|место={{М.}}|издательство=Федеральное агентство по печати и массовым коммуникациям|год=2009|страниц=100|isbn=978-5-904427-02-3|страницы=17}}</ref>. [[Конституция Российской Федерации|Урыстәылатәи Афедерациа Аконституциа]] аинформациа ахақәиҭразы ԥкрақәак шьақәнаргылоит. Адыррақәа рыԥшаара, рыдкылара, рышьҭра, рҭыжьра, раларҵәара (амассатә дыррақәагьы уахь иналаҵаны) рзы азакәантә мҩа иаанагоит закәанла ҷыдала ихьчо аҳәынҭқарратә маӡа шьақәзыргыло адыррақәа [[Секретность|раартра ҟалом]] ҳәа. Урыстәылатәи акьыԥхьтә АИХ егьырҭ излареиԥшым, урҭ азакәан аганахьала акәымкәа, асоциалтә ганахьала (аԥхьаҩцәа рҟынтә) иахьхьыԥшым ала ауп: аҭыжьымҭақәа шамахамзар зынӡаск аԥхьаҩцәа рышәҟәқәа аҭак ҟарҵаӡом, урҭ рҟынтәи «аҭакаара» рыдыркылаӡом, аԥхьаҩцәа русура ахә шыршьо ҭырҵааӡом, аԥхьаҩцәа ринформациатә ҭахрақәа рынагӡара рҽазыршәом, Ажурналқәа рҟны ианыло анҵамҭақәа рҟны дара рхатә хәаԥшышьа мацара алагало<ref>Аверина Ю. В. Городская печать в процессе социальных трансформаций // Вестник Казанского государственного университета культуры и искусств. — 2009. — № 4. — С. 6</ref>. === Ҟазахсҭан === {{main|Ҟазахсҭан амассатә информациа ахархәагақәа}} [[Ҟазахсҭан|Ҟазахстан]] Аҳәынҭқарра Акультуреи аинформациеи рминистрра адыррақәа рыла, 2006 шықәса актәи аквартал анҵәамҭазы ареспубликаҿы еиԥмырҟьаӡакәа иҭыҵуеит 2243 периодикатә ҭыжьымҭа, урҭ рҟынтә 1593 газеҭи 650 журнали. Акьыԥхьтә ҭыжьымҭақәа зегьы рызбжак аинформациатә АКХ роуп, асоциал-политикатәқәа рыхәҭаа 16% рҟынӡа иҟоуп, аҭҵаарадырратәқәа — 9%, аӡыргаратәқәа — 10,5%, ахәыҷтәқәа, аҿартәқәа, аҳәса ртәқәа, адинтә ҭыжьымҭақәа зегьы еизакны 4% иреиҳам. 2012 шықәсазы аус руеит 2514 агазеҭқәеи ажурналқәеи, 238 електронтә АКХ, урҭ рҟынтә 100 раҟара ателехәаԥшратә каналқәеи арадиостанциақәеи, 7893 аинтернет-саитқәеи. 1992 шықәсазы 735 газеҭи журнал ҿыци ҭыҵуан, урҭ рҟынтә 260 ҟазах бызшәала, 395 урысшәала, 4 уигур бызшәала, 5 узбек бызшәала, 2 немец бызшәала, 21 кореиа бызшәала. 2007 шықәсазы, Акультуреи аинформациеи Рминистрра адыррақәа рыла, Ҟазахстан 7281 АКХ рҭыжьымҭақәа ыҟан. Урҭ рҟынтәи иҳәынҭқарратәым — 78%, иҳәынҭқарратәу — 22%. Аелектронтә АКХ — 112. Урҭ зегьы рхыԥхьаӡара аҟнытә акьыԥхьтә АКХ 50% шьақәдыргылоит. Урҭ рҟынтәи ауаажәларра-политикатә — 16%, аҭҵаарадырратә — 9%, аӡыргаратә — 10,5%, ахәыҷтәы, аҿартә, аҳәса ртәы, адинхаҵаратә — рыцыԥхьаӡа 2%. Аелектронтә АКХ — 212 телеканал. Ателеканал «Хабар» ахәаԥшцәа — 95,70%, «Ҟазахстан» — 96,25%, «Ел арна» — 75,50%, «Актәи аканал-Евразиа» — 78,60%, Аҟазах радио — 86,99%. Амҩанызатә канал CaspioNet Абжьаратәи Азиа, Агәҭатәи Мрагылара, Европа, Аҩадатәи Африка ртәылақәа рҿы адырраҭарақәа мҩаԥнагоит. Акабельтәи адгьылтә-кабельтәи телехәаԥшра цәырҵит. Урҭ рахь иаҵанакуеит 80 оператор, «Алма-ТВ» (атәыла ақалақьқәа 13 рҿы иадырбоит), «Казинформтелеком»; «Секател»; «Казцентр-ТВ» (5-5 қалақь); «КВК» (4 қалақьк). Аинфокоммуникациатә ҭыԥҭаӡараҿы аус руеит 2392 аҳәаанырцәтәи АКХ: 2309 газеҭи ажурналқәеи, 83 телерадиодырраҭареи. 1000 канал рҟынӡа амҩанызатә телехәаԥшратә системақәа; аҳәаанырцәтәи амассатә информациа ахархәагақәа рхаҭарнакцәа 80. Аҳәаанырцәтәи АКХ рҟынтә: урысшәала — 90%, англыз бызшәала — 5%, егьырҭ адунеитә бызшәақәа рыла — 5%. === Беларусь === {{main|Белоруссиа амассатә информациатә хархәагақәа}} [[Республика Беларусь|Беларусь Аҳәынҭқарра]] азакәан инақәыршәаны, амассатә информациатә хархәага ҳәа изышьҭоу акьыԥхьра, ателедырраҭара ма арадиодырраҭара, адунеизегьтәи акомпиутертә каҭа Аинтернет рхархәарала периодикала аинформациа аларҵәара аформа ауп<ref>{{Cite web |url=http://pravoby.net/laws/text_243/ |title=Закон Республики Беларусь от 17 июля 2008 г. № 427-З"О средствах массовой информации" |access-date=2015-01-24 |archive-url=https://web.archive.org/web/20150128143119/http://pravoby.net/laws/text_243 |archive-date=2015-01-28 |url-status=dead }}</ref>. Беларусь Аҳәынҭқарраҿы, Аинформациа аминистрра адыррақәа рыла<ref>[http://www.mininform.gov.by/rus/smi/ Сведения о СМИ] {{Асаит архивтәра|url=https://web.archive.org/web/20140730182746/http://www.mininform.gov.by/rus/smi/ |date=2014-07-30 }} // mininform.gov.by</ref>, 2010 шықәса, рашәарамза 1 азы иҭыҵуеит 1301 периодикатә ҭыжьымҭа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы 655 газеҭ, 600 журнал, 36 биуллетен, 9 каталогк, альманахк. Иҭаҩу аҭыжьымҭақәа зегьы рҟынтәи 70% раҟара ҳәынҭқарратәӡам. Акьыԥхь ҭыҵуеит абелорус, аурыс, анемец, англыз, аукраин, аполиак уҳәа егьырҭ европатәи абызшәақәа рыла. Еиҳа атираж змоу апериодикатә ҭыжьымҭоуп агазеҭ «[[Советская Белоруссия (газета)|Советская Белоруссия]]», уи мчыбжьыкахь 5-нтә иҭыҵуеит. Атираж 400,6 нызқь екземплиар (ԥхынҷкәынмза 2013 ш). Агазеҭ «Вечерний Минск» зныктәи атираж зегьы еизакны 107 нызқь екземплиар, «[[Звязда]]» — 22,4 нызқь екземплиар (ԥхынҷкәынмза 2013 ш), агазеҭ «Рэспубліка» — 49,4 нызқь екземплиар, «Белорусская нива» — 25 нызқь екземплиар, «Народная газета» — 30 нызқь екземплиар, «7 дней» — 37,1 нызқь екземплиар, «[[Знамя юности]]» — 25,7 нызқь екземплиар. Аҭыԥантәи аҳәынҭқарратә кьыԥхь зныктәи атираж (136 арегионтә, ақалақьтә, араионтә, иара убас еидҵоу агазеҭқәа) 869,4 нызқь екземплиар шьақәнаргылоит, регионла: Брест — 163,1, Витебск — 175,3, Гомельск — 141,1, Гродно — 108,7, Минск — 160, Могилев — 121,2 нызқь екземплиар. Иара убас Беларусь иҟоуп ажәабжьтә агентрақәа 9, ателедырраҭаратә программақәа 59, арадиодырраҭаратә программақәа 156. Акьыԥхьтә периодикатә ҭыжьымҭақәеи, ателерадиоеилахәырақәеи, ажәабжьтә агентрақәеи рхыԥхьаӡара зегьы рҟынтә 2́/3 иҳәынҭқарратәым атәра аформа рымоуп. === ЕАА === {{main|ЕАА амассатә коммуникациа ахархәагақәа}} [[Еиду Америкатәи Аштатқәа|ЕАА]] АКХ а[[монополия|монополизациа]] аҩаӡара ҳарак ала иалкаауп. Ҩажәатәи ашәышықәса анҵәамҭазы атәылаҿы аԥыжәара рыман ажәабжьқәа раларҵәаратә хыҵхырҭақәа 11: ателехәаԥшратә еилазаарақәа хԥа (ABC, [[CBS]], [[NBC]]), еицырдыруа х-журналк («[[Тайм|Ҭайм]]», «[[Ньюсуик|Ниусуик]]», «[[Ю. С. Ньюс энд уорлд рипорт|И. С. Ниус енд уорлд риԥорт]]»), х-газеҭк («[[Нью-Йорк Таймс|Ниу-Иорк Ҭаимс]]», «[[Вашингтон Пост|Вашингтон Ԥост]]», «[[Уолл-стрит-джорнел|Уолл-стрит-џьорнел]]»), ҩ-информациатә агентрак («[[Ассошиэйтед Пресс|Ассошиеитед Пресс]]» насгьы «[[Юнайтед Пресс Интернейшнл|Иунаитед Пресс Интернеишнл]]»). [[Актәи адунеизегьтәи аибашьра|Актәи Адунеизегьтәи аибашьраан]], ЕАА Аконгресс ирыдыркылеит Аԥшыхәратә усура иазку азакәан (1917) насгьы Ақәгыларахь агәазҭаҵаразы азакәан (1918). Урҭ азакәанқәа изакәандараны иҟарҵеит ЕАА аҳәынҭқарра аполитика иақәыӡбо, мамзаргьы уи иаҿагыло ирыдгыло иарбанызаалак аматериалқәа ркьыԥхьра. Уажәы абас ахылаԥшра арҭоит аҳәаанырцә имҩаԥысуа арратә операциақәа рыхцәажәара. Аҵыхәтәантәи ажәашықәса иалагӡаны изызҵааз рҟынтәи агазеҭқәа ирыԥхьо 35% мацара роуп. ЕАА (егьырҭ атәылақәа жәпакы рҟнеиԥш) 100 даҟьак раҟара аҿыгҳара змоу агазеҭқәа уԥылоит (аиҿырԥшразы: Урыстәылатәи агазеҭқәа рҿыгҳара маҷуп, зегьы ианреиҳаха 32 даҟьа). 2008 шықәсазы, [[Интернет|аинтернет]] ЕАА рҟны есыҽнытәи аинформациа иахыҵхырҭа хаданы иҟалеит, есыҽнытәи агазеҭқәа раасҭа: изызҵааз рахьтә 40% раҟара ирҳәеит ажәабжьқәа раиуразы урҭ рхы ишадырхәо аинтернет-хыҵхырҭақәа, иаҳҳәап, иаабац агазеҭқәа релектронтә версиақәа ма иҷыдоу ажәабжьқәа рсаитқәа. 1989 шықәса инаркны 2009 шықәсанӡа ЕАА иҭыҵуаз агазеҭқәа зегьы ҽнактәи ртираж 62 миллион рҟынтә 49 миллион екземплиар рҟынӡа илаҟәит<ref name="autogenerated20130721-1">{{Cite web |url=http://ria.ru/crisis_review/20090526/172322429.html#ixzz2GTVZL0t2 |title=Н.Асадова. Когда умрет бумажная пресса… |access-date=2012-12-29 |archive-date=2014-05-17 |archive-url=https://web.archive.org/web/20140517121237/http://ria.ru/crisis_review/20090526/172322429.html#ixzz2GTVZL0t2 |url-status=live }}</ref>. Ари, насгьы 2008 шықәса ҭагалан излагаз [[мировой финансовый кризис|адунеизегьтәи афинанстә кризис]], агазеҭқәа жәпакы иаарласны аонлаинахь ииасыртә иҟанаҵеит. [[Телевидение|Ателехәаԥшра]] зегь реиҳа еицырдыруа ажәабжьқәа ирхыҵхырҭаны иаанхоит: аҭак ҟазҵаз рҟынтәи 70% раҟара телехәаԥшрала ажәабжьқәа ишрыцклаԥшуа рҳәеит<ref>{{Cite web |url=http://people-press.org/report/479/internet-overtakes-newspapers-as-news-source |title=Internet Overtakes Newspapers As News Source |access-date=2009-12-18 |archive-date=2009-12-19 |archive-url=https://web.archive.org/web/20091219173238/http://people-press.org/report/479/internet-overtakes-newspapers-as-news-source |url-status=live }}</ref>. Аинформациатә агентра [[Информационное агентство США|УСИА]] (USIA) 1953 шықәса инаркны анагӡаратә мчра аҩнуҵҟа ихьыԥшым еиҿкаарак аҳасабала аус ауеит, ЕАА адәныҟатәи аполитика адгыларазы ауаажәларратә дипломатиа амҩаԥгаразы. ЕАА аҳәынҭқарратә адәныҟатәи арбаратә система еиднакылоит Ахеилак ахь аҳасабырба ҟазҵо аинформациатә агентрақәа хәба. Урҭ рахьтә ҩба, [[Голос Америки|The Voice of America]] насгьы [[Office of Cuba Broadcasting|The Office of Cuba Broadcasting]] (Radio and TV Marti), афедералтә программа астатус рымоуп, [[Радио «Свобода»|Radio Free Europe/Radio Liberty]] насгьы [[Свободная Азия|Radio Free Asia]] хаҭалатәи икоммерциатәым еиҿкаарақәаны аус руеит. Арҭ амаҵзурақәа русзуҩцәа рхыԥхьаӡара 3,3 нызқьҩык иреиҳауп. == Иара убас == * [[Журналистика|Ажурналистика]] * [[Медиавосприятие|Амедиадкылара]] * [[Медиалингвистика|Амедиалингвистика]] * [[Медиастилистика|Амедиастилистика]] * Амеинстримтә АИХ (''Mainstream media'') * [[Свобода массовой информации|Амассатә информациа ахақәиҭра]] == Азгәаҭақәа == {{Reflist}} == Алитература == * {{книга|автор=Черных.А.|ссылка=http://ec-dejavu.net/m-2/Mass_media.html|часть=Усталость сострадать|заглавие=Мир современных медиа|место={{М.}}|издательство=Территория будущего|год=2007|страницы=180—194|archive-url=https://web.archive.org/web/20091121070314/http://ec-dejavu.net/m-2/Mass_media.html|archive-date=2009-11-21}} * {{книга|автор=[[Данилова, Анна Александровна|Данилова А. А.]]|заглавие=Манипулирование словом в средствах массовой информации|место={{М.}}|издательство=Добросвет, КДУ|год=2009|страниц=234|isbn=9785982276131|тираж=1000}} * ''Терин В. П.'' Массовая коммуникация (исследование опыта Запада). М.: [[Институт социологии РАН]], 1999. * {{книга |заглавие=Mass communications: a comparative introduction |издательство=[[Manchester University Press]] |год=1994 |isbn=978-0-7190-3946-1 |страницы=26—27 |ссылка=https://books.google.com/books?id=5z7oAAAAIAAJ&pg=PA26 |язык=en |автор=Lorimer, Rowland; Scannell, Patty}} * {{книга |заглавие=The mass media in Canada |издательство=James Lorimer & Company |год=2000 |isbn=978-1-55028-714-1 |страницы=88 |ссылка=https://books.google.com/books?id=eUbz3Ipt0xAC&pg=PA88 |язык= |автор=Vipond, Mary}} * ''[[Гавров, Сергей Назипович|Gavrov S.]]'' [https://doi.org/10.1080/19409419.2017.1323177 Hybrid wars: the archaization of political consciousness and involution of media // Russian journal of communication. Tom 9, № 2, 2017. PP: 207—210. ] ISSN: 1940-9419 eISSN: 1940-9427 * {{книга| автор = Ворошилов В.В.| заглавие = Современная пресс-служба| место = Москва| издательство = КНОРУС| год = 2013| страниц = 222| isbn = 978-5-406-02887-2| ref = Ворошилов}} * {{книга| автор = Ворошилов В.В| заглавие = Журналистика и рынок: проблемы маркетинга и менеджментасредств массовой информации : научное издание| место = СПб.| издательство = СПбГУ| год = 1997| ref = Журналистика}} * {{книга| автор = Ворошилов В.В.| заглавие = Журналистика : учебник| место = М.| издательство = КНОРУС| год = 2013| страниц = 491| isbn = 978-5-406-05961-6| ref = Voroshilov}} * {{книга| автор = Гаврилов К.| заглавие = Как делать сюжет новостей и стать медиатворцом| место = СПб.| издательство = Амфора| год = 2007| страниц = | isbn = 978-5-367-00469-4| ref = Гаврилов}} * {{книга| автор = Алешина И.В.| заглавие = Паблик рилейшнз для менеджеров и маркетеров| место = М.| издательство = ГНОМ-ПРЕСС| год = 2003| страниц = 480| isbn = 5-94687-010-6| ref =Алешина}} * {{книга| автор = Шарков Ф.И.| заглавие = Политический консалтинг| место = М. | издательство = Дашков и Ко| год = 2004| страниц = 458| isbn = 5-94798-482-2| ref = Шарков}} * {{книга| автор = Ворошилов В.В. | заглавие = Теория и практика массовой информации| место = М.| издательство = КНОРУС| год = 2017| страниц = 464| isbn = 978-5-406-05842-8| ref = MassInformation}} * {{книга| автор = Засурский Я. Н. | заглавие = История печати: антология| место = М.| издательство = Аспект Пресс| год = 2008| том = 3| страниц = 271| isbn = 978-5-7567-0480-8.| ref = Засурский}} * {{книга| автор = Горчева А.Ю.| заглавие = Корпоративная журналистика| место = М.| издательство = Вест-Консалтинг| год = 2008| страниц = 220| isbn = 978-5-903321-22-3| ref =Горчева}} * {{книга| автор = Гостомыслов А.П.| заглавие = Детская журналистика| место = СПб.| издательство = Изд-во Михайлова В.А.| год = 2008| страниц = 352| ref = Гостомыслов}} == Азхьарԥшқәа == * C. Wright Mills. [https://web.archive.org/web/20080507041609/http://www.thirdworldtraveler.com/Book_Excerpts/MassSociety_PE.html The Mass Society] Chapter in The Power Elite, 1956 * [http://www.medialaw.ru/publications/books/medialaw2/laws/2-smi.html Закон о СМИ РФ] {{Асаит архивтәра|url=https://web.archive.org/web/20111121020409/http://medialaw.ru/publications/books/medialaw2/laws/2-smi.html |date=2011-11-21 }} * {{cite web|date=2008|url=http://unesdoc.unesco.org/images/0016/001631/163102R.pdf |title=Показатели развития средств информации: система оценки развития средств информации |work=Международная программа развития коммуникации |publisher=[[ИУНЕСКО]]|access-date=2014-08-30}} * {{dmoz|World/Russian/Новости_и_СМИ/|СМИ}} {{Авторитет змоу адыррақәа}} {{DEFAULTSORT:массатә информациа ахархәагақәа}} [[Акатегориа:Амассатә информациа ахархәагақәа| ]] [[Акатегориа:Ауаажәларратә гәаанагара]] [[Акатегориа:Аимадара]] sx0pgwcvae6jj5pdkfjgvf0ok2qwbgn Севастополь 0 55108 170628 2026-07-27T12:29:56Z Flamme-Bleue 10257 Новая страница: «{{Акарточка анхарҭаҭыԥ |астатус=Ақалақь}} '''Севастополь''' ({{lang-ru|Севастополь}}) – [[Ҟрым]] ақалақь. ==Ахьарԥшқәа== {{reflist}} {{Урыстәылатәи Афедерациа асубиектқәа}} {{авторитет змоу адыррақәа}} [[Акатегориа:Урыстәыла ақалақьқәа]] Акатегориа:Урыстәылатәи афеде...» 170628 wikitext text/x-wiki {{Акарточка анхарҭаҭыԥ |астатус=Ақалақь}} '''Севастополь''' ({{lang-ru|Севастополь}}) – [[Ҟрым]] ақалақь. ==Ахьарԥшқәа== {{reflist}} {{Урыстәылатәи Афедерациа асубиектқәа}} {{авторитет змоу адыррақәа}} [[Акатегориа:Урыстәыла ақалақьқәа]] [[Акатегориа:Урыстәылатәи афедералтә қалақьқәа]] fdgp28lgppnzcsd7v83vnur1q50i37y 170643 170628 2026-07-28T09:29:31Z Fraxinus.cs 8381 170643 wikitext text/x-wiki {{Акарточка анхарҭаҭыԥ |астатус=Ақалақь |zoom1=9}} '''Севастополь''' ({{lang-ru|Севастополь}}) – [[Ҟрым]] ақалақь. ==Ахьарԥшқәа== {{reflist}} {{Урыстәылатәи Афедерациа асубиектқәа}} {{авторитет змоу адыррақәа}} [[Акатегориа:Урыстәыла ақалақьқәа]] [[Акатегориа:Урыстәылатәи афедералтә қалақьқәа]] htd95rib1of2ofifr31qadifemxuxr7 170644 170643 2026-07-28T09:30:36Z Fraxinus.cs 8381 Дoбaвлeнa [[Акатегориа:СССР ақалақьқәа-фырхаҵа]] [[ВП:HC|HotCat]] ацхыраарала 170644 wikitext text/x-wiki {{Акарточка анхарҭаҭыԥ |астатус=Ақалақь |zoom1=9}} '''Севастополь''' ({{lang-ru|Севастополь}}) – [[Ҟрым]] ақалақь. ==Ахьарԥшқәа== {{reflist}} {{Урыстәылатәи Афедерациа асубиектқәа}} {{авторитет змоу адыррақәа}} [[Акатегориа:Урыстәыла ақалақьқәа]] [[Акатегориа:Урыстәылатәи афедералтә қалақьқәа]] [[Акатегориа:СССР ақалақьқәа-фырхаҵа]] tp0oo3kvpwaowy6tkv68i4jy9ihxdtd Рафаель Санти 0 55110 170632 2026-07-27T14:11:14Z Nart17 17397 Аиҭагара [[:ru:Рафаэль Санти]] аҟынтәи (CC BY-SA 4.0; авторцәа — аҭоурых аҿы). Аиҭагаҩ: Астанда Кецба. Nart17 translation team. 170632 wikitext text/x-wiki {{Аиҭархара|Рафаель|Рафаель (еилыркаара)|Рафаель захьӡу ма изыжәлоу егьырҭ ауаа ирызку, иара убасгьы даҽа ҵакқәак змоу.}} {{Акарточка артист | имя = Рафаелло Санцио | изображение = Raffaello Sanzio.jpg |описание изображения = Ахатәыпортреҭ. 1504 - 1506 Амҿы, атемпера. 33 × 47,5 см. [[Уффици]], [[Флоренция|Флоренциа]] | подданство = [[Файл:Banner_of_Arms_of_the_Duchy_of_Urbino.svg|border|22px]] [[Герцогство Урбино|Урбинотәи агерцогцәа рыдгьылқәа]] }} '''Рафаель Санти да Урбино'''<ref>{{Cite web |url=http://gramota.ru/slovari/dic/?ag=x&word=%D1%80%D0%B0%D1%84%D0%B0%D1%8D%D0%BB%D1%8C%D1%81%D0%B0%D0%BD%D1%82%D0%B8 |title=Ударение в Словаре имён собственных |access-date=2022-04-18 |archive-date=2021-05-02 |archive-url=https://web.archive.org/web/20210502142941/http://gramota.ru/slovari/dic/?ag=x&word=%D1%80%D0%B0%D1%84%D0%B0%D1%8D%D0%BB%D1%8C%D1%81%D0%B0%D0%BD%D1%82%D0%B8 |url-status=live }}</ref>, мамзаргьы '''Рафаелло Санцио''' (итал. Raffaello Santi, Raffaello Sanzio, Rafael, Raffael da Urbino, Rafaelo; хәажәкырамза [[Хәажәкырамза 26|26]] ма [[Хәажәкырамза 28|28]], ма [[Мшаԥымза 6|мшаԥымза 6]]<ref name="BRE">{{БРЭ|автор=[[Назарова, Ольга Алексеевна|О. А. Назарова]]|2=28|3=264—266|статья=Рафаэль|ссылка=https://old.bigenc.ru/fine_art/text/3495496|архив=https://web.archive.org/web/20230610205947/https://old.bigenc.ru/fine_art/text/3495496|архив дата=2023-06-10}}</ref>, [[1483|1483ш]], [[Урбино]] —[[Мшаԥымза 6|мшаԥымза 6]],[[1520]], [[Рим]]) - [[Изобразительное искусство Италии|Италиатәи]] [[художник|асахьаҭыхҩы]], [[живописец|аҿыханҵаҩ]], [[Рисунок|аҭыхҩы]], [[умбрийская школа|умбриатәи]], [[Флорентийская школа живописи|флоренциатәи]] [[архитектор]], уи ашьҭахь - Римтәи [[Школа (в науке и искусстве)|ашкол]]. [[Высокое Возрождение|Иреиҳау Аиҭарҿиара]], ма XVI-тәи ашәышықәса алагамҭазы "Римтәи классицизм" аҟазара ахаҭарнакцәа дыруаӡәкын. Иара ҩажәи жәибыжь шықәса роуп иниҵыз, қәра дук шныимҵызгьы, [[Италиа|Италиа]] еицырдыруаз, амал змаз асахьаҭыхҩцәа дыруаӡәкхеит. Рафаель иусумҭақәа рҿы иааирԥшит [[Ренессансный гуманизм|аренессанстә гуманизм]] иҳараку аидеиақәа, ажәытәӡантәи иаауа, наӡаӡатәи аԥшӡареи ақьырсиантә дунеихәаԥшышьеи реидкылара илиршеит. Иҭыхымҭа «[[Сикстинская мадонна|Сикстинтәи Мадонна]]» лсахьа аҭоурых аҿы зегь реиҳа еицырдыруа асахьақәа ирхыҵхьаӡалоуп; аурыс шәҟәыҩҩы [[Достоевски, Фиодор Михаил-иԥа|Фиодор Достоевски]] зегь реиҳа бзиа иибоз асахьаҭыхымҭақәа иреиуоуп<ref>{{cite web|url=http://www.mirfilologa.ru/articles/ruslit/20vek/162-sikstinskaya-madonna-v-russkoj-literature-khkh-veka|title=«Сикстинская мадонна» в русской литературе XX века|publisher=www.mirfilologa.ru|access-date=2019-07-30|archive-date=2019-07-14|archive-url=https://web.archive.org/web/20190714224120/http://mirfilologa.ru/articles/ruslit/20vek/162-sikstinskaya-madonna-v-russkoj-literature-khkh-veka|url-status=live}}</ref>. == Ирҿиаратә нысымҩа == Рафаель иусумҭақәа удыршанхоит рформа еилыкка иахьыҟоу, [[Композиция (изобразительное искусство)|ркомпозициа]] ахьымариоу, насгьы ауаҩы иҳаракыреи иԥшӡареи [[Неоплатонизм|рнеоплатонтә]] идеал аарԥшра ахьилшази рзы<ref> Christian K. Vision and the Visionary in Raphael. — Penn State Press: 2011. —ISBN 978-0-271-03704-2 </ref>. Рафаельи [[Микеланџьело|Микеланџьелои]], [[Леонардо да Винчи|Леонардо да Винчии]] Иреиҳау Аиҭарҿиара аамҭа иаҵанакуа хҩык аҟазацәа дуӡӡақәа ҳәа иԥхьаӡоуп. “Рафаель насыԥ змаз сахьаҭыхҩын. Уи ӷәӷәала аус иуан, аха илаз аҟазара Микеланџьело иеиԥш, даргәаҟуамызт, мамзаргьы Леонардо да Винчи иеиԥш иузеилымкаауа маӡаны иҟамызт. Иара иҟазара еилкаан, иҭынчын, иҳаракын, идеалтәын. Ииашаҵәҟьаны иҟазара классикатәын"<ref> Гращенков В. Н. Об искусстве Рафаэля // Рафаэль и его время. — М.: Наука, 1986. — С. 7 </ref>. Рафаель Леонардо да Винчи иаасҭа ҩажәи жәеиза шықәсала деиҵбын, Микеланџьело —аашықәса, уи аамҭа ҿыц иаҵанакуаз аҿар дырхаҭарнакхеит, иара 1520 шықәсазы иаамҭамкәа иԥсҭазаара даналҵ инаркны, Италиа Иреиҳау Аиҭарҿиара аамҭа ииасуа иалагеит<ref> [[Власов, Виктор Георгиевич|Власов В. Г.]] Рафаэль Санти // Стили в искусстве. В 3-х т. — СПб.: Кольна. Т. 3. — Словарь имён, 1997. — С. 220 </ref>. Рафаель зеиԥшыҟам аҟазара злаз сахьаҭыхҩын, аҟазарҭа ду напхгара азиуан, иара ишьҭахь аусумҭақәа рацәаны иаанижьит. Ирҿиамҭақәа, ҳәарада, х-етапкны, х-стильк рыла еихшоуп, раԥхьаӡа акәны урҭ дрыхцәажәеит [[Вазари, Джорджо|Џьорџьо Вазари]]: [[Умбрия|Умбриа]] раԥхьатәи ишықәсқәа, анаҩс ԥшьышықәса раҟара (1504-1508) [[Флоренция|Флоренциа]] асахьаҭыхратә традициақәа зныԥшуаз аамҭа, уи ашьҭахь аҵыхәтәантәи итриумфтә усура-жәаҩа шықәса [[Рим|Рим,]] ҩыџьа апапцәа: [[Юлий II|Иули II]], [[Лев X|Леон X]] (1508—1520)рхаан. === Аҭоурыхҭҵаара === Рафаель иусумҭақәа иахьагьы аспециалистцәа иҭырҵаауеит, адискуссиақәа мҩаԥыргоит. Иҳаҩсыз жәашықәсақәа ирылагӡаны, ҿыц ицәырҵыз адыррақәа инарықәыршәаны, « Анцәахша Рафаель» изкны ирҩыз XVI-тәи ашәышықәсазы Џьорџьо Вазари, XIX-тәи ашәышықәса аҵыхәтәаны [[Вёльфлин, Генрих|Генрих Виолфлин]] ашәҟәы «Аклассикатә ҟазара» (1899) аҿы ирҩыз, «[[Пассаван, Иоганн Давид|И. Д. Пассаван]] Рафаель изку раԥхьатәи имонографиаҿы, мамзаргьы А. Миронов [[Энциклопедический словарь Брокгауза и Ефрона|Брокгаузи Ефрони Ренциклопедиатә жәар]] аҿы ирҩыз рацәаны еиҭарҿыцын. Ахәҭакахьала, Иреиҳау Аиҭарҿиара аҟазара змырԥсыҽуа, акультураҿы “рафаелизм” аҭыԥи арольи иааннакыло аҭыԥи арольи еиҭарыхәаԥшын, “рафаелескқәа” ( аҟаза иҵаҩцәеи ишьҭрақәлаҩцәеи), [[маньеризм|аманиеризм]] ахь ирымоуа зыҟазаашьа. Аха Рафаель ирҿиамҭақәа адунеизегьтәи аҟазара аҭоурых аҿы ирымоу ароль дуӡӡа аҵакы гәыҩбарак узцәырнагаӡом. === Урбино имҩаԥысыз ихәыҷреи иҿареи === Рафаель Санти заа иани иаби ицәыӡит. Иан Марџьи Чарла дыԥсит 1491 шықәсазы. Иаб [[Санти, Джованни|Џьованни Санти]] Урбино агерцог иҟны,[[Гвидобальдо да Монтефельтро|Гуидобальдо да Монтефельтро]] аҳҭынраҿы сахьаҭыхҩыси поетси дыҟан. Иара 1494 шықәсазы иԥсҭазаара далҵит, аха дахьӡеит иԥа асахьаҭыхразы раԥхьатәи аурокқәа иҭара<ref>{{книга|автор=Srinivasan, A.|заглавие=World Famous Artists|ссылка=https://books.google.ru/books?id=IXvcvv1Fnw8C&pg=PA21|pages=21|isbn=81-7478-522-1}}</ref>. Ажәохәтәи ашәышықәса аҩбатәи абжазы Урбино аус зуаз Лучиано Лаурана, [[Франческо ди Джорджо|Франческо ди Џьорџьо]] Мартини, [[Пьеро делла Франческа|Пиеро делла Франческа]] иара асахьаҭыхра ирҵараҿы акырӡа аҵак ду нарыгӡеит. Рафаель Санти зегь раԥхьатәи иусумҭа, «Мадонна аӡҟы дыкны», иахьагьы [[Урбино]] ақалақь аҿы иҟоу [[Дом-музей Рафаэля Санти|Рафаель иҩны амузеи]] аҿы иҟоуп. Асахьаҭыхҩы раԥхьатәи иусумҭақәа иреиуоуп “Иԥшьоу ахҩеила рсахьа зну ахоругвь” (1499-1500 шықәсқәа инарзынаԥшуа), иара убас «Толентинотәи Иԥшьоу Николаи игәаргьынхаҵара»(1500-1501) [[Читта-ди-Кастелло|Читта ди Кастелло]] иҟоу Сант-Агостино ауахәама. === Аҵара. Умбриатәи аамҭа === [[Файл:PalaOddiRaffaello.jpg|мини|слева|Аҭыԥҳа агәыргьын лхаҵара ([[Алтарь Одди|Одди иныҳәарҭа]]). 1502-1504 шықәсазы. Ақәатәа,атемпера (амҿы аҟынтәи еиҭагоуп). Ватикан, Пинакотека.]] 1501 инаркны Рафаель [[Перуджа|Перуџье]] (Умбриа) иҟаз [[Пьетро Перуджино|Пиетро Перуџьино]] иҟазарҭаҿы аҵара иҵон, аусгьы иуан. Уи аамҭазы, иара лассы-лассы Перуџьи ааныжьны [[Урбино]], [[Читта-ди-Кастелло|Читта ди Кастелло]] игылаз иҩныҟа дцалон, [[Пинтуриккьо|Пинтуриккио]] дицны [[Сиена]]ҟа дцон, Читта ди Кастеллои Перуџьиеи рҟынтә иоуаз азаказқәа наигӡон. 1502 азы ицәырҵуеит раԥхьатәи “рафаель имадонна”-“ [[Мадонна Солли]] ”. Мадоннеи аӡҟи рсахьақәа - Рафаель қәыԥш зегь реиҳа бзиа иибоз теман, иԥсы ҭанаҵы ус еиԥш иҟаз асахьақәа ҭихуан. Аха иара заатәи «Мадоннақәа иҭынчу Умбриатәи апеизаж афонаҿ » (А. Н. Бенуа) Перуџьино истиль ала иҭыхын. Џь. Вазари излеиҳәо ала, Рафаель раԥхьатәи иусумҭақәа Перуџьино исахьақәа ирылукаартә иҟам. Егьырҭ раԥхьатәи аусумҭақәа рахь иаҵанакуеит «[[Сон рыцаря|Арыцар иԥхыӡ]]», «[[Три грации (Рафаэль)|Х-грациак]]»(рыҩбагьы 1504 шықәса инарзынаԥшуа). [[Дворжак, Макс|Макс Дворжак]] иазгәеиҭахьан, Рафаель «Умбриатәи аҟазацәа рҵаҩы иаҳасабала далагеит, нас Фра Бартоломео Флоренциа иааирԥшуаз адинтә-идеалисттә хырхарҭа дадгылеит ҳәа.Рафаель Римҟа диасаанӡа иԥсҭазаара далҵызҭгьы, иара ҳаамҭазы умбриа-флоренциатәи ашкола аҟазацәа бзиақәа дырхыԥхьаӡалахон, уи аҩаӡарагьы дахысран дыҟамызт. Наӡаӡатәи ақалақь ауп иара истиль дуи ирҿиара ауниверсалтә ҵаки рышьаҭа зҳаз<ref> Дворжак М. История итальянского искусства в эпоху Возрождения. Курс лекций. — М.: Искусство, 1978. — Т. II. — XVI столетие. — С. 45 </ref>. Хәыҷы-хәыҷла Рафаель ихатә стиль ааирԥшит. Асахьа «[[Обручение Девы Марии (картина Рафаэля)|Мадоннеи ԥаҵа зҿам Иосифи]]» (1504) аҿы Пиетро Перуџьино абри атемала иҟаиҵаз акомпозициа даҽазныкгьы иаагоуп, аха асахьақәа рҭыхра апластикаҿы аҵаҩы ирҵаҩы дииааит. Одди иныҳәарҭазы иҭихыз асахьаҿы «[[Алтарь Одди|Мариа Қьырса хәыҷ дыкны]] » (1504 шықәса инарзынаԥшуа), Рафаель иԥшааит анаҩстәи иусумҭақәа рҿы еиқәиршәашаз акомпозициа. Аныҳәарҭа рзы акомпозициа дуқәа рыдагьы, Рафаель иаԥиҵеит асахьа хәыҷқәа: «[[Мадонна Конестабиле]]» (1502-1504), «Агәылшьап зшьуа Аԥшьа Георги » (1504-1505 инарзынаԥшуа) насгьы апортреҭқәа - «Пиетро Бембо ипортреҭ» (1504-1506). 1504 шықәсазы Урбино ақалақь аҿы Рафаель афилософ, ашәҟәыҩҩы, афилантроп, аграф [[Кастильоне, Бальдассаре|Балдассаре Кастильоне]] диабадырит, уии иареи аиҩызара ӷәӷәеи асалам шәыҟәқәеи рыбжьалеит, ахәҭакахьала, Рафаель иҭихыз аҭыӡсахьа “[[Триумф Галатеи|Галатеиа лтриумф]]” иадҳәалоу, аҟазара аҭоурых аҿы еицырдыруаз ашәҟәқәа. === Флоренциатәи аамҭа. "Флоренциатәи Амадоннақәа" === [[Файл:Raphael Madonna with Beardless St. Joseph.jpg|мини|[[Мадонна с безбородым Иосифом|Мадонна аԥаҵа зҿам Иосиф дицны]] (Иԥшьоу аҭаацәара) 1506. Темпера, ақәатәа, ахәшашәыга (амҿы аҟынтәи еиҭагоуп). Аҳәынҭқарратә Ермитаж, Санкт-Петербург]] 1504 шықәса ахырқәшамҭазы Рафаель [[Флоренция|Флоренциа]]ҟа нхара диасит. Абраҟа [[Леонардо да Винчи|Леонардо да Винчии]] иареи еибадырит, иара убас [[Микеланџьело|Микеланџьело]], [[Фра Бартоломео|Бартоломео делла Порта]] уҳәа егьырҭ Флоренциатәи аҟазацәа аӡәырҩы. Инҭкааны иҭиҵаауан Леонардо да Винчи иҿыханҵатә техника, и[[сфумато]]. Рафаель егьырҭ аҟазацәа реихьӡарақәа ирласны идикылон, иҵон, иӡхьоу Леонардо да Винчи исахьаҭыхымҭа “Ледеи амшынҟызи” аҟынтәи Рафаель иҭыхымҭа нханы иҟоуп, иара убас Микеланџьело иҭыхымҭа “Аԥшьа Матфеи” аҟынтәи. «...Леонардои Микеланџьелои русумҭақәа рҿы иибаз атехникақәа ирыбзоураны, иара иҵегьы аусура иҽадицало далагеит, урҭ рҟынтәи иҟазареи иҟазшьеи рзы ахәарҭа ду алигарц азы», ​​— ҳәа иҩуан Џь. Вазари<ref name="Вазари">{{книга |автор = Джорджо Вазари. |часть = |заглавие = Жизнеописания наиболее знаменитых живописцев, ваятелей и зодчих|оригинал = |ссылка = |ответственный = |издание = |место = М.|издательство = АЛЬФА-КНИГА |год = 2008|том = |страницы = |страниц = |серия = |isbn = |тираж = }}</ref>. “Иҳәаатәхаз” ​​асахьа акәхеит “[[Положение во гроб (картина Рафаэля)|Акәыба аҭаҵара]]”, уи аҟаза раԥхьатәи “Умбриатәи астиль” ацәхьаҵразы иҟаиҵаз аҽазышәара аанарԥшуан. Рафаель раԥхьаӡа Флоренциа Аньоло Дони иҟынтәи, уи иԥҳәыси иареи рпортреҭқәа ҭихразы азаказ иоуит, аҵыхәтәантәи Леонардо да Винчи иҭыхымҭа « [[Мона Лиза|Мона Лиза дель Џьокондо]]» Рафаель инаҭаз анырра аныԥшит. Иара убри аамҭазы, Аньоло Дони изы Микеланџьело Буонарроти «[[Мадонна Дони]]» [[тондо|атондо]] аԥиҵеит. Флоренциа Рафаель аныҳәарҭатә сахьақәа ҭихит: «Аҳ итәарҭаҿ итәо Мадонна Иоанн Аӡӡаахҩи Баринтәииҿ Николаи лыцны» (1505 шықәса иназынаԥшуа), «[[Положение во гроб (Рафаэль)|Акәба аҭаҵара]]» (1507 шықәса) насгьы апортретқәа - « [[Дама с единорогом (картина Рафаэля)|Аԥҳәызбеи атәыҩазаҵәи]]» (1506-1507 инарзынаԥшуа). Аҿыцрақәа рацәаны ишцәырҵызгьы, Рафаель итрадициатәу атехника еиҳа еиӷьишьон: темперала аус иуан, амҿаҟны ахәшашәыга ихы иаирхәон, ақәатәа аҿы акәымкәа. 1507 азы Рафаельи [[Донато Браманте]]и еибадырит. Ишьақәырӷәӷәам адокументалтә версиа ала, урҭ еиуацәан, иҟалап Браманте иашьа иԥа иакәызҭгьы. Ишыҟазаалакгьы, Браманте иакәхеит абжьгаҩыс иоуз, анаҩсгьы хылаԥшра изызуаз, ашьҭахь Ватикан аусуразы иреиӷьу акандидат ҳәа асахьаҭыхҩы Апапа [[Юлий II|Иули II]] дидигалеит. Рафаель еиҳа-еиҳа ихьӡ-иԥша иацлон, аԥшьацәа рсахьақәа раԥҵаразы адҵақәа рацәаны иоуан: « Иԥшьоу аҭаацәара аԥшьацәа Елизаветеи Иоанн Аӡӡаахҩи рыцны» (1506-1507 шықәсақәа инарзынаԥшуа). «[[Мадонна с безбородым Иосифом|Иԥшьоу аҭаацәара (Мадоннеи аԥаҵа зҿам Иосифи)]]» (1505-1507), «[[Святая Екатерина Александрийская (Рафаэль)|Александриатәи Аԥшьа Екатерина]]» (1507-1508 инарзынаԥшуа). [[Файл:Raffaello Sanzio - Madonna del Cardellino - Google Art Project.jpg|мини|слева|[[Мадонна со щеглом|Мадонна ашьхарҵыс кны]]. 1505-1506 шықәсазы. Амҿы, ахәшашәыга. Уффици, Флоренциа]] Флоренциа ақалақь аҿы Рафаель Мадоннақәа зну асахьақәа ҩажәаҟа аԥиҵеит. Амала, атемақәеи акомпозициақәеи еиҭаҭихуан: Мадонна аӡҟы ма дылгәыдкыланы дылкуп, мамзаргьы [[Иоанн Креститель|Иоанн Аӡӡаахҩы]] ивара дыхәмаруеит, аха “Мадоннақәа” зегьы индивидуалтәқәоуп, насгьы ирныԥшуа ан лыхаарақәа узеидкылом (иҟалап, иан заа лыԥсҭазаара дахьалҵыз Рафаель игәаҿы ашьҭа ӷәӷәа ааннажьзар). Рафаель ихьӡ-иԥша ахьеизҳауаз иабзоураны, азаказқәа рацәаны иоуа далагеит; иара «[[Мадонна Грандука]]» аԥиҵоит (1505), «[[Мадонна с гвоздиками|Мадонна агвоздикақәа кны]] » (1506 шықәса инарзынаԥшуа), «Мадонна абалдахин аҵаҟа» (1506-1508). Ари апериод иреиӷьыз аусумҭақәа рахь иаҵанакуеит «[[Мадонна Террануова]]» (1504-1505), «[[Мадонна со щеглом|Мадонна ашьхарҵыс кны]] » (1506), «Мадоннеи аӡҟи Иоанн Аӡӡаахҩи ([[Прекрасная садовница|Абаҳчааӡаҩ ԥшӡа]])» (1507-1508). === Римтәи аамҭа. Ватикан иусура === [[Файл:"The School of Athens" by Raffaello Sanzio da Urbino.jpg|мини|300px|[[Афинская школа|Афинатәи ашкол]]. 1510-1511 шықәсазы. Аҭыӡсахьа. Астанца делла Сениатура, Ватикан]] [[Файл:Liberazione di san pietro 05.jpg|thumb|200px|справа|Аԥшьа Пиотр аҳаԥсы аҟынтәи ихы иақәиҭтәра. Астанца д'Елиодоро асахьанҵа ахәҭаҷ. 1513-1514]] 1508 шықәса аҩбатәи абжазы Рафаель [[Рим]]ҟа нхара диасит (иԥсы ҭанаҵы уаҟа даанхеит), Браманте ицхыраарала апапа иаҳҭынраҿы аофициалтә сахьаҭыхыҩны дҟалеит. Рим ауп Рафаель аклассицистикатә [[Стиль (искусство)|стиль]] ахьаԥиҵаз, уи алоуп ҳаамҭазгьы иусумҭақәа злаудыруа. Уи атәы 1918 азы иналукааша австриатәи аҟазара аҭоурыхҭҵааҩы [[Дворжак, Макс|Макс Дворжак]] илекциақәа рҿы иазгәеиҭеит, уи «Римтәи астиль» ацәырҵра Рафаель «идеалтә типқәа» раԥҵара иадҳәалоуп ҳәа азгәаҭаны, Рафаель иклассицистикатә стиль «аманера ду» шьаҭас иамоуп ҳәа аликааит. Дворжак ари иуникалтәу астиль аҷыдара хадақәа иреиуоуп ҳәа иазгәеиҭеит «игармониатәу аидеал», иара убас « асахьаркыратә релиативизм»<ref> Дворжак М. История итальянского искусства в эпоху Возрождения. Курс лекций. В 2-х т. — Т. 2. XVI столетие. — М.: Искусство, 1978. — С. 49, 50 </ref>. [[Гращенков, Виктор Николаевич|В. Н. Грашьенков]]гьы ари ахшыҩҵак дадгылон, инаҵшьны иазгәаҭо, асахьаҭыхҩы ирҿиара хықәкыла римтәи апериод аан ауп «Рафаель аклассик иҭыԥ Рафаель аклассицист ианааникылаз» ҳәа<ref> Гращенков В. Н. Рафаэль. — М.: Искусство, 1971. — С. 172 </ref>. Рафаель иаԥҵамҭақәа рҿы, Перуџьинои Брамантеи рныррала, архитектуратә ргыларақәа ҭихуан — ацентртә хыбрақәа, акупол змоу аротондақәа, агьежьбжа змоу ахыбрагьагьақәа. Аҟазаратә стиль ҿыц шьаҭас иамаз «анатура аҭҵаара», ма «ажәытәӡауаа рыҿыԥшра» акәӡамызт,уаанӡа ишазгәарҭоз еиԥш, урҭ рыҩбагьы еицҵаны, аԥсабара иагу ашьахәрақәа абстракттә идеалк аҿаргыланы иаадырԥшуа иалагеит<ref> [[Власов, Виктор Георгиевич|Власов В. Г.]] Римский классицизм // Новый энциклопедический словарь изобразительного искусства. В 10 т. — СПб.: Азбука-Классика. — Т. VIII, 2008. — С. 175 </ref>. М. Дворжак иажәақәа рыла, асахьатә формақәа рестетикатә ҟазшьақәа Рафаель «аҵаки аԥсабара гәык ала азыҟазаареи иреиҳаны » иргылеит. Аестетика ҿыц шьаҭас иаман, акы, bellezza (аԥшӡара), ҩба, maniera grande (аманера ду), уи иаанаго {{Ацитата алагара}}“Аформақәа еиҳа идуны рааԥшра ада, ахәыцшьа ҳаракгьы: иаарԥшу аперсонажқәа иреиҳау абзазашьа ныҟәызго ракәны иҟазар ауп. Убри ауп изыбзоуроу дара рыртәашьа ԥагьагьы, зны-зынла атеатралра зныԥшуа, аха аҩныҵҟатәи ахақәиҭра знубаало, еилыххха иҟоу рнапҟьашьақәа. Аҭагылазаашьақәа атеатралтә ҟазшьа рымоуп, ахаҿсахьа иалоу аҳаҭырқәҵаратә доуҳа инақәыршәаны... аҩныҵҟатәи ахақәиҭреи аҳаҭырқәҵареи рыла иҭәуп... Ари астиль, иҟалап, зегь рыла ажәытәӡатәи атрадициа иахылҵыз акәзар, аха уеизгьы уи зынӡа иеиԥшым акы аанарԥшуан<ref> [[Дворжак, Макс|Дворжак М]]. История итальянского искусства в эпоху Возрождения. Курс лекций. В 2-х т. — Т. 2. XVI столетие. — М.: Искусство, 1978. — С. 49 </ref>{{Ацитата алгара}}. Рафаель иестетикатә кредо инагӡаны, еилыкка иааԥшуеит аграф [[Кастильоне, Бальдассаре|Бальдассар Кастильоне]] иахь ииҩыз еицырдыруа асалам шәҟәаҿы,[[Рим]]тәи [[Вилла Фарнезина]] аҟны аҟаза “[[Триумф Галатеи|Галатеа лтриумф]]” ҳәа изышьҭоу аҭыӡсахьа аус ахьадиулоз инамаданы.(1511ш) Аграф Рафаель иусумҭа гәахәара дула идикылеит, Галатеа лҭыхразы иҟаз амодель дазусҭадаз ҳәа диазҵааит, «аӡгьы» ҳәа ҭакс ианиоу даара иџьеишьеит. Рафаель 1514 шықәсазы Кастильоне аҭак изиҩит: {{Ацитата алагара}}«Галатеиа лтәы ҳҳәозар, сара схы ҟаза дууп ҳәа исыԥхьаӡарын, Шәара Ҳаҭыр зқәу исзышәыҩуа арҽхәаԥхьыӡ дуқәа рыбжак иадамзаргьы аҭыхымҭа ианыԥшуазҭгьы... Иара убасгьы ишәасҳәоит, аԥхәызба ԥшӡа лсахьа ҭысхырц азы, аԥшӡақәа рацәаҩны избар ауп, амала Шәара Ҳаҭыр зқәу уа шәыҟаны, уи лалхраҿы шәсыцхааруазар; Аха аӡбаҩ бзиақәеи аҳәса ԥшӡақәеи ахьмаҷу инамаданы, схаҿы иааиуа аидеиа ауп схы иасырхәо»<ref> Мастера искусства об искусстве. — В 7 т. — М.: Искусство, 1966. — Т. 2. — С. 156—157. Перевод А. И. Аристовой</ref>{{Ацитата алгара}}. Аха, Дворжак ишазгәеиҭаз ала, ас еиԥш иҟоу абстракттә идеалисттә цәырҵра иаарласны акризис ахылҿиааит. Аха XVI-тәи ашәышықәса алагамҭазы ари акризис макьана ирныруамызт. Апапа [[Юлий II|Иули II]] идҵала, насгьы Ватикан архитектор хада [[Донато Браманте]] иҟаиҵаз ажәалагалала, Рафаель адҵа иоуит Ватикантәи ауадақәа рҭыӡқәа асахьақәа рныиҵарц азы. {{Main|Рафаель истанцақәа}} “Рафаель истанцқәа” (италиа бызшәаҟынтә: Le Stanze di Raffaello, италиа Stanzа- ауада: [[Ватикан]] [[Апостольский дворец|Апапа ихан]] ахԥатәи аихагылаҿы иҟоу ԥшь-уадак рыла ишьақәгылоу [[анфилада]]. Анфилада идуқәам х-залк аҵанакуеит, иара убас еиҳа еиҳау еиҭа даҽакгьы, «Константин изал» ҳәа изышьҭоу. Раԥхьа « Астанца делла Сениатура» аҭӡамцқәа ҭыхын,( анапынҵамҭақәа ма аусԥҟақәа руада) Ари ауада иалкаау аҵак ду арҭон. Рафаель ԥшьы-хкыкны иҟоу ауаҩы интеллектуалтә усура аазырԥшуа акомпозициақәа аԥиҵит: адиндырра, аиуриспруденциа, апоезиа, афилософиа- « [[Диспута]]», (1508-1509), « Аҟәыӷара. Ахмырҟьацәареи Амчи»(1511), иара убас зегь иреиӷьӡақәоу «[[Парнас (фреска)|Парнас]]»(1509-1510), « [[Афинская школа|Афинатәи ашкол]]»(1510-1511). Аҭыӡсахьақәа зегьы иреиӷьу, ауадақәа рҿы зегь раасҭа еицырдыруа усумҭоуп ҳәа иԥхьаӡоуп « Афинатәи ашкол», -Аиҭарҿиара аамҭази, [[ренессанс|аренессанстә]] ҟазареи, Рафаель ирҿиамҭақәеи иреиӷьу аԥҵамҭа. Ахьӡ "Афинатәи ашкол" [[Беллори, Джованни Пьетро|Џьованни Пиетро Беллори]] иӡбеит 1672 ш. азы (Le vite de' pittori, scultori et architetti moderni). Аҭыӡсахьа ауада хәыҷы аҭӡамц зегьы ааннакылоит (8 х 10 м). Ашьаҭаҿы афреска аҭбаара: 7,7 м.ыҟоуп Рафаель иусумҭақәа ахаҭәаау «аидеалтә стиль» аҿырԥшы адырԥшуеит, уи иналукааша архитектор, «римнтәи аклассицизм» аԥҵаҩы [[Донато Браманте]] инырра ацхыраарала иҿиеит. Вазари излаиҳәо ала, Браманте иоуп аҭыӡсахьа архитектуратә фон авторс иамоу: ахыргьагьа агьежьбжа, Аполлони Минервеи рбаҟақәа рганқәа. Иџьашьахәу, иҳаракӡоу архитектура афон аҿы иубоит еиуеиԥшым агәыԥқәа рыла Рафаель еидикылаз ажәытәтәи афилософцәа. Афигурақәа апортреҭтә ҟазшьақәа рыҭан, насгьы Аиҭарҿиара аамҭазы инхоз ауаҩы урҭ аперсонажқәа ихааназтәи ауаа рхы-рҿқәа рнибаалон. Убас, [[Платон]] ихаҿсахьаҿы Леонардо да Винчи даарԥшуп, Микеланџьело (аҵыхәтәантәи акомпозициа далагалоуп) инкахәыцуа итәо [[Гераклит]] иакәны даарԥшуп, ациркуль зку [[Евклид]] Браманте исахьа имоуп, арыӷьарахьтәи аганаҿ игылоу [[Птолемей|Птолемеи]] даара Рафаель ихаҭа диеиԥшуп. Аахәаҩи аҟазеи ишырхәыцыз ала, ақьырсиантә [[неоплатонизм]] аидеиақәа инарықәршәаны, ас иҟоу аиԥшзаара ажәытәӡатәи афилософиеи [[теология|атеологиа]] ҿыци реизааигәара асимволра анаҭоит. Урыстәылатәи асахьаҭыхҩы [[Брюллов, Карл Павлович|К.П.Бриуллов]] 1824-1828 шықәсқәа рзы Санкт-Петербургтәи [[Императорская Академия художеств|Аҟазаратә Академиа]] акопиақәа рзал азы, Рафаель иҭыхымҭа «Афинатәи ашкол» акопиа, Италиа ахәшашәыгала ақәатәаҿы иҭихит. Аҭыӡсахьа «[[Диспута]]» (италиан бызшәала: La disputa del sacramento — Иԥшьоу ақьабз иазку аимак) -ақьырсиантә қьабз амаӡақәа ирызку аицәажәара акәӡам, уи ауахәама аҳаракра ауп изызку. Апапа [[Юлий II|Иули II]] иаԥшьигаз аиконографиатә программаҿы аҭыӡсахьа «Диспута» ихадоу акәны иҟоуп. Аҭыӡсахьаҿы иаарԥшу ахҭысқәа мҩаԥысуеит адгьыли ажәҩани рҿы. Ахыргьагьа дуӡӡа, иархитектуратәу ижәҩантәу, ҩ-дунеик еиднакылоит: адгьыли ажәҩани. Амардуанҿаԥса ҭбаақәа аныҳәарҭахь унаргоит. Рафаель икомпозициа «[[Парнас (фреска)|Парнас]]» («Апоезиа»; ахьӡ «Парнас» цәырҵит XIX-тәи ашәышықәсазы) Рафаель, «Диспутеи» «Афинатәи ашколи» рыбжьара ауада мраҭашәаратәи аган аҿы аҭыԥ ылихит. Апоезиа аллегориа аҟаза иаамҭазы иҟаз агуманитартә ҵара ишаҳәоз ала иааирԥшит, [[Франческо Петрарка|Ф.Петрарке]]и, [[Джованни Боккаччо|Г.Боккаччо]]и, [[Салютати, Колюччо|К.Салутати]]и ридеиақәа инарықәршәаны. «Парнас» аҟны [[Аполлон]] жәаҩык [[Музы|амузақәа]] дрыцны даарԥшуп, еицырдыруа жәааҩык ажәытәӡатәи абырзентә, римтәи, италиатәи апоетцәа дрыгәҭылакны. Абырзен, алаҭын, италиатәи аперсонажқәа реилаӡҩара апоезиа иарҭоз аренессанстә ҵакы иалкаау атеологиа ицәырнаго агәацԥыҳәара иақәшәоит<ref> [[Власов, Виктор Георгиевич|Власов В. Г.]]. «Парнас» // Власов В. Г. Новый энциклопедический словарь изобразительного искусства. В 10 т. — СПб.: Азбука-Классика. — Т. VII, 2007. — С. 181 </ref>. Вазари ари акомпозициа иазкны инарҭбааны иҩуеит, аха хыхь-хыхьла: «Убас, Бельведер иаҿаԥшуа аҭӡамц аҿы Парнаси Геликонтәи аӡыхьи ахьыҟоу, ашьха ақәцәани анаарақәеи рҿы адаԥа ҵлақәа рбаҳча ҭихит, урҭ рыбӷьы иаҵәақәа аԥша ҟәымшәышә ишарҵысуа уныруеит,аҳауаҿы - ҵыхәаԥҵәара змам хыԥхьаӡара рацәала зцәа-зжьы хту акупидонқәа, рхы-рҿы ԥшӡақәа аартны, адаԥа амахәҭақәа хырҵәоит, авенокқәа ҟарҵоит, урҭ ахәада зегьы аҟны ирыԥсаҟьоит, ара иҟоу зегьы ииашаҵәҟьаны анцәа иԥсы рхоуп - афигурақәа рыԥшӡарагьы, аҿыханҵа ахазынарагьы. Урҭ ирыхәаԥшуа иџьеимшьар залшом, ауаҩытәыҩсатә гени, ашәыгақәа шыхазынамгьы, асахьа ашьахәра иабзоураны аҭыхымҭа аԥсы ахоушәа аҟаҵара злаилшаз<ref name="Вазари"/>. Аԥхын, 1511ш шықәсазы апапцәа раудиенциазы Рафаель напы аиркит Станца д-Елиодоро аҭыӡсахьақәа рескизқәа (аҭыӡсахьақәа руак ахьӡ ахҵан) Аҭыӡсахьақәа рпрограммаҿы иаарԥшуп, ауахәама аҭоурых иалкаау амоментқәа рзы Анцәа иаиҭоу ахьчара аидеиа, хықәкылатәи асиужетқәа адгьыл аҿы имҩаԥысуа ахҭысқәа Анцәа имч џьашьахә аҽшаланагалоу иазкуп. Ԥшь-композициак иаадыԥшуеит: «Илиодор аныхабаа аҟынтә иқәцара» (1511ш–1512), «Болсенатәи амесса» (1512), «Аԥшьа Пиотр аҳаԥсы аҟынтә ихы иақәиҭтәра » (1513–1514), «Лев Дуи Аттилеи реиԥылара» (1514). Акомпозициа “[[Изгнание Илиодора|Илиодор аныхабаа аҟынтәи иқәцара]]” (италиан бызшәала: Cacciata di Eliodoro dal Tempio) аҭыӡсахьа “Афинатәи ашкол” угәаланаршәоит, аха Рафаель индивидуалтә стиль аеволиуциа аазырԥшуа аекспрессиеи адинамикеи рыла иалкаауп. «[[Месса в Больсене|Больсенатәи амесса]]» (италиан бызшәала: Messa di Bolsena),ақьырсиантә традициа инақәыршәаны, 1263 шықәсазы Рим аҩадахьы иҟоу ақалақь хәыҷы Больсена имҩаԥысыз ахҭыс џьашьахәы ауп. Амесса мҩаԥызгоз апап қәыԥш Евхаристи иԥшьоу амаӡа агәра игомызт — ачеи аҩи Қьырса ицәеижьи ишьеи реиԥш ишыԥшьоу агәыҩбара изцәырнагон. Аныҳәа аан агостиа анышьҭырх [[антиминс]] аҿы хә-ҭыԥк рыҟны ашьа ааит. Абри асиужет иадҳәалоуп аҭыӡсахьа “[[Диспута]]” Станца делла Сениатура аҟны. Акомпозициа «Больсенатәи амесса» аҿы Рафаель Апапа Иули II аныҳәарҭаҿы «Больсенатәи аџьашьахәы» шаҳаҭс дшаиоуз ааирԥшуеит. Аҭыӡсахьа «[[Освобождение Святого Петра из темницы (фреска Рафаэля)|Аԥшьа Пиотр аҳаԥсы аҟынтәи ихы иақәиҭтәра]]» (италиан бызшәала: La Liberazione di San Pietro dal Carcere) (1513-1514) ҟазара дула иҭыхуп. Аиудеиаа раҳ Ирод Агриппа идҵала Апостол Пиотр аҳаԥсы дҭакын. Аусӡбара ҟалараны ианыҟаз ауха, Анцәа илашара дагәҭылакны Амаалықь даацәырҵит, Пиотр дирҿыхеит, ишьамҭлаҳәқәа ихыхны, ицәаз асолдаҭцәа дрывганы аҳаԥсы дҭигеит. Ари акомпозициаҿы Рафаель усҟантәи ашықәсқәа рзы даара имаҷны рхы иадырхәоз аметод ихы иарихәеит: еишьҭаргыланы еидҳәалоу х-епизодк еидикылеит. Агәҭаны амаалықь ицәоу Анцәа ицҳаражәҳәаҩ инапы ихьысуеит. Арымарахь ала, ахьчаҩцәа ирбаз иԥсабаратәым алашара иаршәаҟьан иҩны ицоит. Акомпозициа арӷьарахьтәи аган аҟны амаалықь — Аиҭарҿиара аамҭазтәи аҟазараҿы зегь раасҭа иԥшӡоу афигәрақәа руаӡәк — Пиотр аҳаԥсы дҭигоит. Акомпозициа “[[Пожар в Борго|Борго иҟалаз абылра]] ” (италиан бызшәала: Incendio di Borgo) (1514) аҟны, ари ауадаҿы иаԥҵоу аҭыӡсахьақәа рҟынтәи “Борго абылра астанца” аҿы Рафаель инапы еиҳа иуныруеит, аха Микеланџьело ду иҟынтәи иаагоу амотивқәагьы убоит. Алегенда изларҳәо ала, 847-тәи ашықәсазы Борго (Римтәи апапа ихан иазааигәоу аҭыԥ) абылра ҟалеит, уи еиҳа-еиҳа аҽарӷәӷәон Папа Леон IV Ватикантәи ихан абарҵаҿы дцәырҵны амца ааникылаанӡа. Ари акомпозициаҿы иубарҭоуп ихазынан иҭыху афигәрақәа рацәаны. Арӷьарахь, зныкымкәа асахьаҭыхҩцәа аӡәырҩы иҭырххьаз, аӡы зҭоу аԥҳал зку аԥҳәыс лфигура, агәҭаны - аԥҳәыс лнапқәа шьҭыхны, иара убас аҭӡы ахалара зҽазызшәо арԥыс. Армарахь ала Енеи, амца зку аҩны аҟынтә иаб абырг Анхис иҟәаҟәа дықәҵаны далигоит. Ари ахаҿсахьақәа ргәыԥ иунарбоит асиужет Вергили ипоема "Енеида" аҟынтә ишааагоу, Троиа иҟалаз абылра атәы ахьааирԥшуа. Акыраамҭа иныҟәарақәа рышьҭахь Енеи Италиа иҳәынҭқарра шьақәиргылеит. Убри аҟнытә иара Рим ашьаҭаркҩцәа дыруаӡәкны дыԥхьаӡоуп. “Борго абылра астанца ” — аҵыхәтәантәи уадоуп, Рафаель иҭыӡсахьақәа ахьубарҭоу. Анаҩс аҭыӡсахьақәа рыҟаҵара ицхырааҩцәа ирыдҵан: Џьулио Романо, Џьован Франческо Пенни, Џьованни да Удине уҳәа убас иҵегьы. Уи аамҭазы Рафаель апапа акрызҵазкуа егьырҭ идҵақәа инапы рылакын: Сикстинтәи акапелла аҭӡамцхҟьақәа рзы акартонқәа рыҟаҵара, насгьы Аԥшьа Пиотр ибазилика аргылара хылаԥшра аиҭон, уи аҭыԥ 1514 шықәсазы Браманте иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь иоуит. Аԥшьбатәи ауада- « Константин изал»-Рафаель иҵаҩцәа роуп аҭыӡсахьақәа анызҵаз. [[Файл:Pope Julius II.jpg|thumb|left|Апапа Иули II ипортреҭ. 1511ш. Амҿы, ахәшашәыга. Амилаҭтә галереиа, Лондон]] '''Аҭӡамцхҟьақәа рсериа " Иԥшьоу ацҳаражәҳәаҩцәа русқәа"" 1514 шықәса анҵәамҭазы, Апапа [[Лев X|Леон X]], ихьӡ Ватикантәи [[Сикстинская капелла|Сикстинтәи акапелла]] иадиҳәаларц иӡбеит,уи азы аҭӡамцхҟьақәа рзы акартонқәа<ref> Так называли в Италии тканые ковры по главному центру производства шпалер в XV веке во французском городе Аррас </ref> азаказ ҟаиҵеит [[Деяния святых апостолов|Иԥшьоу ацҳаражәҳәаҩцәа русқәа]] » рышәҟәы асиужетқәа рыла, акапелла арԥшӡаразы. Жәа ҭӡамцхҟьак рыла ( ганцыԥхьаӡа хәба-хәба) акапелла аганахьтәи аҭыӡқәа ҵаҟатәи рыхәҭа ырԥшӡатәын. Урҭ рсиужетқәа Аевангелиеи иԥшьоу ацҳаражәҳәаҩцәа рышәҟәи рҟынтәи иааган, Аԥшьацәа Пиотри Павели рҭоурых аҟынтәи, иара убас апрограмма инақәыршәаны Қьырсеи Моисеи рҭоурыхқәа еиҭазҳәоз, флоренциатәии умбриатәии асахьаҭыхҩцәа 1481-1483 шш.рзы Сикстинтәи акапеллаҿы иҭырхыз аҭыӡсахьақәа иреиԥшын. Апапа игәҭакы инақәыршәаны, аҭӡамцхҟьақәа еидыркылар акәын Ацҳаражәҳәацәа рҭоурыхи адунеи аԥҵара инаркны Анцәа ауаа ирзынижьыз раԥхьатәи ауасиаҭ аҟынӡа (Моисеи изакәан аҩыраӷәы) аҭоурыхи, иара убас [[Микеланџьело|Микеланџьело]] акапелла аплафон аҿы иҭихыз (1508-1512), Иаса Қьырса ацҳаражәҳәаҩ Пиотр « ацаԥхақәа иҭара», насгьы апапцәа рҭоурыхи еиднакылар акәын. Аныҳәатә хҭысқәа анымҩаԥысуаз акапеллаҿы аҭӡамцӡхҟьақәа кнарҳауан. Уажәы урҭ хазы азалаҿы ицәыргақәҵоуп Рафаель еиҳа ихьшәаны иаԥиҵаз асахьақәа инарыцны: [[Мадонна ди Фолиньо]] (1511-1512), «Мариа агәыргьын лхаҵара» (1502-1504) иара убас «Аҽеиҭакра» (1519-1520) [[Ватиканская пинакотека|Ватикантәи Пинакотека]]ҿы, (еиҭныԥсахло, еснагь жәаҩык рҟынтә бжьба). Акапелла ахаҭа аҿы, урҭ рҭыԥан, аҭыӡсахьа атехника ахархәарала «аԥардақәа» иреиԥшны иҭыхуп. Ари асериа иаҵанакуеит абарҭ асиужетқәа: «Листра имҩаԥгаз аԥсаҭара» (Sacrificio di Listra), «Ацыркь ихәшәтәра» (Guarigione dello storpio), «Саул идинхаҵара аиҭакра» (Conversione di Saulo), «Елима лылашәхара» (Punizione di Elima), «Ацаԥхақәа рыҭара», « Иԥшьоу Стефан ахаҳәқәа игәыдҵара» (Lapidazione di santo Stefano), «Павел Афины иҟаиҵаз абжьагажәа» (Predica di san Paolo), «Иԥшьоу Павел аҳаԥсаҿы» (San Paolo in carcere), «Ананиа иԥсра» (Morte di Anania), «Иџьашьахәу аԥсыӡкра» (Pesca miracolosa). Ари аус аҿы аҟаза ицхраауан иҵаҩцәа [[Романо, Джулио|Џьулио Романо]]и [[Пенни, Джанфранческо|Џьованни Франческо Пенни]]и, аха асахьаҭыхымҭақәа зегьы Рафаель ихаҭа иаԥиҵеит<ref> Pierluigi De Vecchi. Raffaello. — Milano: Rizzoli, 1975. — Р. 113 </ref>. Аҭӡамцхҟьақәа ҟаҵан 1517-1519 шықәсқәа рзы [[Брюссель|Бриуссель]] ақалақь аҟны, [[Кук ван Альст, Питер|Питер Кук ван Альст]] имануфактураҿы аҿы [[Орлей, Бернарт|Бернарт ван Орлеи]] далархәны. Раԥхьаӡа 5 м аҩаӡара змаз 7 уарҳалк ҟарҵеит, урҭ роура еизакны 42 м ыҟан<ref> Большая иллюстрированная энциклопедия древностей. — Прага: Артия, 1980. — С. 62 </ref>. Аҭӡамцхҟьақәа рзы абордиурқәа ҟаҵан фламандиатәи [[барокко|абарокко]] астиль ала, [[Ван Дейк, Антонис|Антонис Ван Деик]] иҭыхымҭақәа инарықәыршәаны. Асра знапы алакыз аҳ Иаков I иааиԥхьахьаз афламаниадтәи аҟазацәагьы ракәын<ref> [[Власов, Виктор Георгиевич|Власов В. Г.]]. «Деяния апостолов» // Власов В. Г. Новый энциклопедический словарь изобразительного искусства. В 10 т. — СПб.: Азбука-Классика. — Т. III, 2005. — С. 419 </ref>. Аҭӡамцхҟьақәа ирну афигурақәа рҿы иубарҭоуп Микеланџьело «истиль ҳарак» анырра, иара убас, [[Станцы Рафаэля|Ватикантәи астанца]]ҿы Рафаель иҟаиҵаз «Борго иҟалаз абылра» ҳәа изышьҭоу аҭыӡсахьаҿгьы. Асериа ақәҿиара ду аиуит, иара акырынтә еиҭаҭырхит, Франциа [[Мануфактура Гобеленов|Гобеленаа]]и [[Мануфактура Бове|Бове]]и рмануфактурақәа рҿгьы. Акардинал Ерколе Гонзага 1548 шықәсазы Бриуссельтәи асыҩцәа ари асериа иақәҭырхырц дҵаны ириҭеит. 1563 шықәсазы, иара даныԥсы ашьҭахь, аҭӡамцхҟьақәа Мантуатәи агерцог [[Гульельмо I Гонзага|Гулельмо I Гонзага]] изынижьит. Уажәы урҭ Венециа адожқәа раҳҭынра аҟны «Агобеленқәа руадаҿы» иҟоуп<ref> Pierluigi De Vecchi. La Cappella Sistina. — Milano: Rizzoli, 1999. ISBN 88-17-25003-1 </ref>. Аҭӡамцхҟьақәа рзы акартонқәа 1623ш азы иааихәеит шьҭралатәи апринц, Англиа иаҳхараны иҟаз Чарльз I. Аҳ данԥсы ашьҭахь, аҳҭынратә мазара аҭираҿы, акартонқәа Кромвел иаахәеит, урҭ Уаитхолл абанкеттә зал аҿы акәалаԥқәа ирҭаҵәахын. Амонархиа аиҭашьақәыргылара ашьҭахь, аҳ иҭаацәара раҳратәрахьы ихынҳәит. Аграфство Сиурреи иҟаз Мортлеик амануфактураҿы еиуеиԥшым асериа ҿыцқәа раԥҵаразы акартонқәа рхы иадырхәеит. Анаҩс урҭ [[Хэмптон-Корт|Ҳемптон-Корт]] аҳҭынраҿы иҟаз иҷыдоу агалереиа иҩанрҵеит, уаҟа урҭ 1813 шықәсанӡа иҟан. Анаҩс дара [[Букингемский дворец|Букингемтәи аҳҭынра]]ҿы иҵәахын. 1865 ш инаркны еиқәхаз акартонқәа быжьба [[Лондон]], [[Музей Виктории и Альберта|Викториеи Альберти рыхьӡ зху амузеи]] ахь ииаргеит. "Рафаель илоџьиа" [[Файл:President Trump's Trip Abroad (34079021263).jpg|thumb|220px|left|Ватикан иҟоу Ацҳаражәҳәаҩцәа рхан аҿы "Рафаель илоџьиақәа". 1508-1519 шықәсазы. Архитектор Д. Браманте ипроект. Рафаель Санти иҵаҩцәа рсахьақәа]] 1508 шықәсазы Апапа Иули II архитектор Донато Браманте дҵас ииҭеит [[Апостольский дворец|Апапа ихан]] хыхьтәи аихагылаҿы [[Лоджия|алоџьиа]] еиԥшу агалереиа иргыларц, уантәи Наӡаӡатәи ақалақь уахәаԥшлартә еиԥш. Архитектор аусура далагеит, аха 1514 шықәсазы дыԥсит, аргыларақәа ирыциҵеит Рафаель Санти. «Рафаель илоџьақәа» аамҭа анца дара ус рыхьӡырҵеит, архитектура аҭоурых аҿы XVI-тәи ашәышықәса алагамҭазы иҟаз «римтәи аклассицизм» аҟазара аканонтә ҿырԥштәны иҟалеит. Еиԥшыз жәаха секциа еиҟараны иахьеизшаз, ахаргьагьақәа, апилисатрқәа иаку аритм змоу, еиҿкаау ракәны иааԥшуеит. Аҭӡамцқәа, ахыгьагьақәа, апиластрқәа1517-1519 шш.рзы рсахьа ҭырхуан Рафаель иҵаҩцәа: [[Перино дель Вага]], [[Джулио Романо|Џьулио Романо]], [[Джованни да Удине|Џьованни да Удине]], [[Пенни, Джанфранческо|Франческо Пенни]], [[Рафаэллино дель Колле|Рафаеллино дель Колле]]. Ахагьагьақәа рыҟәшақәа зегьы рҿы Рафаель Ауасиаҭ Ҿыц атемала асиужеттә композициақәа ԥшьба ҭихит. Егьырҭ (ҩажәи жәаа Ажәытәтәи Ауасиаҭ атемала) иаанхаз аҭыԥ [[Гротеск (орнамент)|агротесктә]] [[орнамент|рԥшӡагақәа]] рыла иҵаҩцәа ихадырҭәааит. 1783 ш инаркны 1792 шықәсанӡа [[Санкт-Петербург]] аимператрица [[Екатерина II|Екатерина аҩбатәи]] лзаказала, [[Большой Эрмитаж|Аермитаж Ду]] ахыбраҿы архитектор [[Кваренги, Джакомо|Џьакомо Кваренги]] Рафаель [[Фреска|иҭыӡсахьақәа]] ркопиақәа рыла агалереи аԥиҵеит, Ватикантәи апапа иаҳҭынра ахыбрагьы аазырԥшуа. Уаанӡа гәыԥҩык асахьаҭыхҩцәа (. [[Хаккерт, Якоб Филипп|И. Ф. Хаккерт]], Д. В. Анджелони, [[Петер, Уильям|У. Петер]] уҳәа) 1778 шықәсазы Рим Рафаельи иҵаҩцәеи рҭыӡсахьақәа ркопиа аҟаҵара иалагеит. Аусурақәа напхгара рырҭон [[Унтербергер, Христофор|Х. Унтербергер]]ти [[Раффенштайн, Иоганн Фридрих|И. Ф. Раффенштайн]]и. Акопиақәа ақәатәақәа рҿы иҟаҵан, анаҩс урҭ еикәарҳәны Санкт-Петербургҟа иааргеит. [[Новый Эрмитаж|Аермитаж Ҿыц]] ахыбра андыргылоз, алоџьиақәа 1778-1787 шш рзы еиқәырханы иҟан, урҭ мраҭашәаратәи агалереиа аҩбатәи аихагылаҿы иҟан. 1515 шықәсазы [[Северное Возрождение|Аҩадатәи Аиҭарҿиара]] аамҭазы иналукааша аҟаза [[Дюрер, Альбрехт|Альбрехт Диурер]] Римҟа дааит. Уи Ватикантәи астанцақәа гәеиҭон. Рафаель исахьаҭыхымҭа ииҭеит, уи аҭакс анемец сахьаҭыхҩы Рафаель изааишьҭит ихатәы портреҭ, амала иара анаҩстәи аԥеиԥш еилкаам. === Римтәи аамҭазы иҟаз аныҳәарҭақәеи «Мадоннақәеи» === [[Файл:Transfiguration Raphael.jpg|мини|[[Преображение (Рафаэль)|Аҽеиҭакра]]. 1516-1520 шықәсазы. Амҿы, атемпера. Пинакотека, Ватикан]] Ватикан аусутә рацәаны ишимазгьы, Рафаель аныҳәарҭақәа рсахьақәа рҭыхразы ауахәамақәа рҟынтә азаказқәа наигӡон,: «Аԥшьа Цецилиа» (1514-1515), «Аџьар аныҟәгара» (1516-1517), «[[Иезекииль (пророк)|Иезекииль]] илаԥшҵашәара» (1518 шықәса инарзынаԥшуа). Рафаель жәа сахьак инарзынаԥшуа «Амадоннақәа» Рим иҭихит. Арҭ аԥҵамҭа ҳаракқәоуп ҳәа иԥхьаӡоуп, ркомпозициа еилыкка иҟоуп: «[[Мадонна Альба]]» (1510), « [[Мадонна с рыбой|Аԥсыӡ зку Мадонна]]»,( 1512-1514), « [[Мадонна в кресле|Акресло иқәтәоу Мадонна]]», ( 1513-1514) инарзынаԥшуа. {{Main|Аҽеиҭакра (Рафаель)}} Аҟаза аҵыхәтәантәи [[шедевр|иусумҭа дуӡӡа]] "[[Преображение (Рафаэль)|Аҽеиҭакра]]" (1516-1520) ауп, уи асахьаҿы аҷыдара ҿыцқәа убарҭоуп. Хыхьтәи ахәҭаҿы Рафаель, [[Аевангелие|Аевангелие]] инақәыршәаны, Фавор ашьхаҿы ацҳаражәҳәаҩцәа [[Апостол Пётр|Пиотр]]и, [[Иаков Зеведеев|Иаков]]и, [[Иоанн Богослов|Иоанн]]и рҿаԥхьа Қьырса иҽеиҭакра џьашьахәы ааирԥшуеит. Ацҳаражәҳәаҩцәеи аџьныши ахьаарԥшу асахьа ҵаҟатәи ахәҭа,Рафаель иескизқәа рыла Џьулио Романо иҭихит. Мшаԥымза 6, 1520 шықәсазы Рафаель иԥсҭазаара даналҵ, мышқәак, [[Борго (район)|Борго]] иҩны аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагара рҽаназыҟарҵоз, ихыркәшамыз асахьаҭыхымҭа «Аҽеиҭакра» аԥсы ихаҿы игылан<ref>{{Cite web |url=http://www.nerone.cc/nerone/archivio/arch89.htm |title=Nerone Tours of Italy {{!}} Tours of Rome Florence Venice Naples Pompeii<!-- Заголовок добавлен ботом --> |access-date=2016-10-14 |archive-url=https://web.archive.org/web/20101126154319/http://nerone.cc/nerone/archivio/arch89.htm |archive-date=2010-11-26 |url-status=dead }}</ref>. Рафаель данԥсы ашьҭахь мчыбжьык анҵы, Ватикан асахьаҭыхымҭа « Лазарь Иԥсаҭалара» азааигәара «Аҽеиҭакра» кнарҳаит. [[Файл:RAFAEL - Madonna Sixtina (Gemäldegalerie Alter Meister, Dresde, 1513-14. Óleo sobre lienzo, 265 x 196 cm).jpg|мини|слева|Сикстинтәи Мадонна. 1512-1513 шықәсазы. Ақәатәа, ахәшашәыга.. Ажәытәтәи аҟазацәа ргалереиа, Дрезден]] {{Main| Сикстинтәи Мадонна}} Рафаель иаԥҵамҭақәа зегь раасҭа иссиру ауп еицырдыруа "[[Сикстинская мадонна|Сикстинтәи Мадонна]]" (1512-1513), уи [[Дрезден]]тәи [[Галерея старых мастеров|Ажәытәтәи аҟазацәа ргалереиа]]ҿы 1754ш. инаркны иҟоуп. Шәагаала идуӡӡоу асахьаҭыхымҭа Рафаель иаԥиҵеит [[Пьяченца|Пиаченце]] иҟоу, [[Сикст II|иԥшьоу Сикст аҩбатәи]] иуахәама аныҳәарҭазы. Азаказ ҟазҵаз делла Ровере аҭаацәара ирылиааз, [[Папство|апапа]] [[Юлий II|Иули аҩбатәи]] иоуп. ( Иԥшьоу Сикст делла Ровере рҭаацәара дырхылаԥшуан ҳәа ԥхьаӡан) Асахьа акомпозициа иаанарԥшуеит аҟаза хаҭалатәи ихәыцшьа аеволиуциа. «Заатәи Мадоннақәа» рҿы Рафаель Умбриатәи апеизаж афон аҟны аӡӷабцәа ԥшӡақәа рсахьа ҭихуан. Асахьа [[Мадонна Грандука]] аҿы, иара апеизажтә фон инеитралтәу еиқәаҵәоу, зынӡа еиқәаҵәоу уҳәаргьы ауеит ала иԥсахит,аӡҟы дыкны иналымариашаны игылоу Мариа, Рафаель хагәҵәылатәи аформат дҭаикит. Анаҩс Рафаель абжьаратәи ашәышықәсақәа рзы иҟаз аиератикатә композициақәа рахь дхынҳәызшәа ҟаиҵеит, ахәҭакахьала, [[Одигитрия|Одигитриа]] византиатәи ахкы ахь<ref> [[Власов, Виктор Георгиевич|Власов В. Г.]] Сикстинская Мадонна // Новый энциклопедический словарь изобразительного искусства. В 10 т. — СПб.: Азбука-Классика. — Т. VIII, 2008. — С. 759—760 </ref>. Асахьа акомпозициа традициала [[Святое Собеседование|Иԥшьоу Аицәажәарақәа]] [[Иконография|рныхаҩыра]] иадырҳәалоит, избан акәзар аӡҟы дызку Мадонна илымҵахырхәо аԥшьацәа дрыгәҭылакны даарԥшуп. Уи еиԥшу акомпозициа змоу Рафаель егьи исахьагьы, “Мадонна ди Фолинио” (1511-1512), официалла “Sacra Conversazione” ҳәа иашьҭоуп, насгьы уи “Сикстинтәи Мадонна” шьаҭас иаиуит ҳәа иԥхьаӡоуп, уигьы “аицәажәарақәа” ртрадициа иаҵанакуеит<ref> Pierluigi De Vecchi. Raffaello. — Milano: Rizzoli Editore, 1975. — Р. 108—109 (№ 97, 105) </ref>. XVIII-тәи ашәышықәсазы, алегенда рылаҵәеит (аҭоурыхтә документқәа рыла ишьақәырӷәӷәам) Мадонна лзы модельс дҟалеит Рафаель бзиа иибоз, жәибжь шықәса зхыҵуаз ачаӡҩы иԥҳа Маргарита Лути ҳәа. Рафаель уи [[Форнарина]] лыхьӡиҵеит (италиантәи fornaro - ачаӡҩы). [[Сикст II|Аԥшьа Сикст]] ипрототип иакәын Апапа Иули ([[Сикст IV]] иашьа иԥа), [[Варвара Илиопольская|Аԥшьа Варвара]] лзы- иаҳәшьаԥҳа [[Орсини, Джулия|Џьулиа Орсини]]. Апапа дышиеԥшыз [[Кавальказелле, Джованни Баттиста|Џь.Б.Кавальказелле]]и егьырҭ аӡәырҩи иазгәарҭеит, насгьы иԥшьоу Варвара лпрототип азы Лукрециа делла Ровере лыхьӡгьы рҳәон, апонтифик иаҳәшьаԥҳа<ref> Putscher M. Raphaels Sixtinische Madonna. Das Werk und seine Wirkung. — Tübingen: Hopfer Verlag, 1955. — Р. 38 </ref>. Асахьаҭыхымҭа Мраҭашәаратәи аҟазара иреиҳау [[шедевр|ашедеврқәа]] иреиуоуп ҳәа зегьы еицҿакны иазгәарҭоит, зегь раԥхьаӡа иргыланы [[Композиция (изобразительное искусство)|акомпозициа]] ауадаҩразы, абырзен-римтәи, аԥшӡара [[идеал|аидеал]]и ақьырсиантә цәаныррақәеи рконтаминациа агармониазы. Асахьа изызҭыхыз аҭыԥ ԥшьа (Пиаченца иҟоу Сан-Систо аберҭыԥ) иаҟәыганы, уи асахьақәа ргелереиахь аиагара XVIII-тәи ашәышықәса аинтеллектуалцәа рыбжьара ахәыцра ҵаулақәа цәырнагеит<ref> Gazzola Е. La Madonna Sistina di Raffaello. Storia e destino di un Quadro. — Macerata: Quodlibet, 2013. — ISBN 9788874625246 </ref>. === Апортреҭқәа === [[Файл:Baldassare_Castiglione,_by_Raffaello_Sanzio,_from_C2RMF_retouched.jpg|мини|[[Портрет Бальдассаре Кастильоне|Балдассаре Кастильоне ипортреҭ]]. 1514-1515 шықәсазы. Ахәшашәыга, ақәатәа. Лувр, Париж]] Ауахәамақәа рыдҵала хыԥхьаӡара рацәала иҭихуаз аусумҭақәа рыдагьы, Рафаель апортреҭтә жанр алагьы ирацәаны аус иуан. 1512 шықәсазы иҭихит «Апапа Иули II ипортреҭ». Џь. Вазари иазгәеиҭон: «Иара убри аамҭазы, даара дшеицыдыруазгьы, аҟаза ахәшашәыгала апапа Иули ипортреҭ ҭихит. Асахьа апапа даара иеиԥшын, аԥсы ҭазшәа иҟан. Уи збоз зегьы, апапа иԥсы ҭаны раԥхьа дгылошәа, ргәы хыҭ-хыҭуа иалагон<ref name="Вазари"/>. Апапа икуриа адҵала иҭыхын «Акардинал Алессандро Фарнезе ипортреҭ» (1512 шықәса инарзынаԥшуа), «[[Портрет Льва X с кардиналами Джулио Медичи и Луиджи Росси|Лев Х ипортреҭ, акардиналцәа Џьулио Медичии, Луиџьи России иваргыланы]]» (1517-1518 шықәса инарзынаԥшуа). Абарҭ аусумҭақәа рҟынтәи иалкаауп [[портрет Бальдассаре Кастильоне|Балдассаре Кастильоне]] (1514-1515) ипортреҭ. Акыр шықәса рышьҭахь, ари апортреҭ акопиа [[Рубенс]] иҭихуеит. [[Рембрандт]] раԥхьа уи асахьа ҭихуеит, анаҩс, асахьа анырра инаҭаз иабзоураны, иара ихатәы “[[Автопортрет Рембрандта (1640)|Автопортреҭ]]” ҟаиҵоит. Астанцақәа рҿы аус анимуаз аамҭазы, Рафаель «[[Портрет Биндо Альтовити|Биндо Альтовити ипортреҭ]]» ҭихит (1515 шықәса инарзынаԥшуа). Аҵыхәтәаны Рафаель ихы ҭихит «Ахатәыпортреҭи сҩызеи» (1518-1520) аҟны, аха асахьаҿы Рафаель инапы зыжәҩа иқәиҵаз дарбан ҩызоу иахьагьы еилкааӡам; аҵарауаа зыгәрагара уадаҩу аверсиақәа рацәаны иаадырԥшуеит. === Авилла Фарнезина === {{Main|Авилла Фарнезина}} {{Main|Галатеиа лтриумф}} [[Файл:Raffael 012.jpg|мини|слева| Галатеиа лтриумф. 1511ш. "Галатеиа ллоџьиа". Вилла Фарнезина, Рим]] Абанкир, аҟазара ахылаԥшҩы [[Киджи, Агостино|Агостино Киџьи]] [[Тибр]] аԥшаҳәаҿы авилла иргылеит, уахь Рафаели иҵаҩцәеи ааԥхьара риҭеит ажәытә мифологиа асиужетқәа рыла аҭыӡсахьақәа ҭырхырц азы. Абасала, 1511 шықәсазы «[[Триумф Галатеи|Галатеиа лтриумф]]» захьӡу аҭыӡсахьа цәырҵит. Уаанӡа авилла ианыз асахьақәа Рафаель ихаҭа иусумҭақәаны иԥхьаӡан: «Рафаель абри аҭыӡсахьаҿы аԥаимбарцәеи асивиллақәеи рсахьа ҭихит. Уи иара иаԥҵамҭақәа иреӷьу ҳәа иԥхьаӡоуп, иреиӷьқәоу иреиӷьу. Ииашаҵәҟьаны, уа иану аҳәсеи ахәыҷқәеи рыԥсы ҭазшәа иҟоуп, насгьы ихырку аколорит ала иалукаауеит. Ари аусумҭа иара иԥсы анҭазгьы ахьӡ-аԥша ду изаанагахьан, иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахьгьы иара убас<ref name="Вазари"/>. Аамҭа анца, еилкаахеит, ирацәаӡаны азаказқәа ахьимаз азы, зегь раԥхьаӡа иргыланы, [[Собор Святого Петра|Аԥшьа Пиотр иныхабаа]] аргылара иадҳәалаз аусқәа, Ватикан [[Станцы Рафаэля|астанцақәа]] рҭыӡсахьақәа рҭыхра, уҳәа Рафаель ицхырааҩцәа аҭыӡсахьақәа аус рыдулара рыдиҵо далагеит.Убри аан, азыҟаҵаратә ҭыхымҭақәа рыбжеиҳарак иара Рафаель ихахьы игон, аҭыӡсахьақәа егьырҭ иҟарҵон. Авилла Фарнезина аҿы аус руан иҵаҩцәа: [[Романо, Джулио|Џьулио Романо]], [[Себастьяно дель Пьомбо|Себастьиано дель Пиомбо]], [[Пенни, Джанфранческо|Франческо Пенни]], [[Содома]]. XX-тәи ашәышықәса агәҭаны имҩаԥгаз аҭыӡсахьақәа рреставрациа ашьҭахь еилкаахеит « Галатеиа лтриумф» аҭыӡсахьа еиҳа ихадоу ахәҭақәа иара Рафаель ихаҭа ишҭихыз, егьырҭ- Џьулио Романо<ref> Pierluigi De Vecchi. Raffaello. — Р. 105 </ref><ref> Bajard S., Bencini R. Roms. Paläste und Garten. Paris: Terrail, 1997. S. 15-22 </ref>. «Александр Македонскии Роксанеи рчара» акомпозициа авилла аҩбатәи аихагылаҿы [[Содома]] иаԥиҵеит, ахқәа иалкаау рыхәҭақәак-Рафаель ихаҭа иҭихит. === Архитектура === Рафаель архитектор иаҳасабала иусура иалкаау аҵакы амоуп, уи Браманте римантәи иклассицизми уи иашьҭанеиуаз азеиԥшевропатәи архитектура [[классицизм|аклассицизм]]и аанарԥшуеит, ахәҭакахьала [[Палладианство|Палладиантәи]] ацәырҵра аныԥшуеит. Браманте 1514 шықәсазы идунеи аниԥсах, Рафаель усҟан зыргылара иаҿыз [[Собор Святого Петра|Аԥшьа Пиотр иныхабаа]] архитектор хадас дҟалеит. 1513 шықәсазы Иули II иҭыԥан иҟалаз апапагьы, [[Лев X|Леон X]] - Рафаель иҟазара ҳаҭыр ду ақәиҵон. 1513 шықәсазы иара Рафаель ажәытәӡатәи Рим иаҵанакуа аамҭа актәи археологс дҟаиҵеит. Апонтифик Ду идҵала Рафаель археологиатә ԥшаарақәа дырхылаԥшуан, Ватикантәи аколлекциақәа реидкыларақәа, рышьақәгылара хылаԥшра азиуан, насгьы Наӡаӡатәи ақалақь археологиатә сахьа (аплан) еиқәиршәеит. 1515 шықәса инаркны Рафаель Ватикан «ажәытә ҭынхақәа рзы акомиссар» иҭыԥ ааникылон<ref> Бартенев И. А. Рафаэль и архитектура // Рафаэль и его время: Сборник статей. — М.: Наука, 1986. — С. 80 </ref>. Рим Рафаель ипроект ала иргылан аџьартә- ҟәырӷ змоу аухәама [[Сант-Элиджо-дельи-Орефичи|Сант- Елиџьо- дели- Орефичи]]( аиувелирцәа рцех иԥшьоу аелегиа), иара убас даара зычаԥашьа бзиоу ауахәама [[Санта-Мария-дель-Пополо|Санта- Мариа- дель- Пополо]] акпелла Киџьи(1512-1520). Иара убас Рафаель апроект ҟаиҵеит [[Палаццо Видони-Каффарелли|Палаццо Видони- Каффарелли]] аԥхьатәи ахәҭа(1515), Бранконио дель Аквила(1520 ахыбра еиқәымхаӡеит), иара убасгьы Флоренциа иҟоу [[Палаццо Пандольфини]], уа аусурақәа хирқәшеит Франческо да Сангалло(1516-1520). 1515 азы, Рим аҩада-мраҭашәаратәи аган ахәҭаҿы, Рафаель ипроект ала акардинал Џьулио Медичи (аԥхьаҟа Апапа Климент VII) изы авилла аргылара иалагеит (аргылара хиркәшеит [[Сангалло, Антонио да (младший)|Антонио да Сангалло Аиҵбы]]). Ахыбра «[[Вилла Мадама]]» ҳәа ахьӡырҵеит (уи анаҩс аԥшәымас иаиоуз [[Маргарита Пармская|Маргарита Пармтәи]], ( Маргарита Австиратәи ҳәагьы илышьҭан, ма « [[Мадам]] Маргарет»), Алессандро Медичи иԥшәма ԥҳәыс). Авилла архитектуратә мотив хадақәа еснагь еиԥш — агьежьбжатәи ахыргьагьеи аҟәырӷи ракәын. Авестибиули алоџьиеи агротесктә темақәа рыла иҭыху асахьақәеи [[Рельеф (скульптура)|арелиеф]]қәеи рыла [[декор|ирԥшӡоуп]]. Рафаель афасад акомпозициаеи ааигәара игылоу ахыбрақәа рҷыдарақәеи еснагь еидиҳәалон, ахыбра ашәаагақәееи ахықәки азгәаҭаны, аханқәа зегьы ырԥшӡаны, акы иузаламырҩашьо аҟаҵара иҽазишәон<ref name="БСЭ">{{книга |автор = [[Алпатов, Михаил Владимирович|Алпатов М. В.]] |часть =Рафаэль |заглавие = [[Большая советская энциклопедия]] |ответственный = Гл. ред. [[С. И. Вавилов]]|издание = 2 издание|место = М.|издательство = [[Советская энциклопедия]]|год = 1965}}</ref>. Икомпозициақәа ирышьагәыҭуп ихырқәшоу аплан, асимметриа, афасадқәа апилиастрқәа рыла реихшара. Иҟоуп агәаанагара, архитектуреи аҿыханҵеи рҿы аклассицизм астиль Рафаель иоуп иаԥызҵаз, ихзырқәшазгьы ҳәа. Иусумҭақәа уанрыхәаԥшуа, ииашаҵәҟьаны, урҭ рыҩаӡара шхырқәшоу убоит, анаҩстҽи рырҿиара шзалымшо еиукаауеит<ref> Алпатов М. В. Художественные проблемы итальянского Возрождения. — М.: Искусство, 1976. — С. 10—12 </ref>. === Аҭыхымҭақәеи агравиурақәеи === [[Файл:Raphael Lucretia.jpg|мини|слева|200px|Рафаель. Лукрециа. 1483-1520 шықәсқәа рыбжьара. Ақьаад, акалам, амарқьаф, амел. Метрополитен амузеи, Ниу-Иорк]] [[Файл:Raimondi Lucretia's suicide.jpg|мини|200px|Маркантонио Раимонди. Лукрециа. 1515. Аџьаз аҟны агравиура.]] Рафаель иҭыхымҭақәа ԥшьышә инарзынаԥшуа еиқәхеит. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп асахьаҭыхразы аҽазыҟаҵаратә ҭыхымҭақәа, иҟоуп иара убас зхала иҟоу аусумҭақәагьы. Рафаель ихаҭа агравиурақәа ҟаиҵаӡомызт. Аха иҵаҩцәеи ицхырааҩцәеи — [[Раймонди, Маркантонио|Маркантонио Раимонди]], [[Венециано, Агостино|Агостино Венециано]], [[Денте, Марко|Марко Денте]], Џьованни Антонио Каралио — Рафаель исахьақәеи ихыркәшамыз икомпозициақәеи рхы иархәаны, арепликақәеи акомпозициатә вариациақәеи ҟарҵон. Уи абзоурала, ахәҭакахьала, иӡхьоу Рафаель исахьаҭыхымҭақәа ԥыҭк ҳара ҳаамҭанӡа иааӡеит. Рафаель иҭыхымҭақәа рыла иҟаҵаз агравиурақәа амҩадуқәа ирыԥныз адәқьанқәа рҿы ирҭиуан; урҭ аархәон италиатәи [[Майолика|амаиоликатә]] сахьаҭыхра аҟазацәа, (аҭӡамцхҟьақәа рҭыжьразы акартонқәа ҟазҵоз), амҿлыхқәа ҭаԥызҟоз, аиувелирцәа. Абас ала иҿион Аиҭарҿиара аамҭа иазҷыдаз аҟазаратә еицлабра: иналукааша асахьаҭыхҩы иусумҭа — асахьаҭыхҩы-агравиурақәа ҟазҵоз иусумҭа — анапҟаза иусумҭа уҳәа абарҭ зегьы еимаданы ианыҿиоз. Санкт-Петербургтәи [[Ермитаж|Аермитаж]] аҿы А. Венецианои М. Раимондии ркомпозициақәа зну амаиоликатә чанахқәа ыҟоуп. Насгьы, асахьанҵақәа Рафаель иҭыхымҭақәа ирықәҭыхӡам, урҭ рҿиаратә вариациақәуп, ркомпозициақәа рсахьа шыԥсыҽугьы, Рафаель ихаҭа иескизқәа раасҭагьы еиҳауп. Ари зыхҟьо аформат ахьыгьежьуи, ахьшьытә сахьанҵа аҷыдареи роуп<ref> Михайлова О. Э. Использование композиций произведений Рафаэля и его школы в росписи итальянской майолики // Рафаэль и его время: Сборник статей. — М.: Наука, 1986. — С. 142—154 </ref>. Рафаель иҭыхымҭа “ Парис иусӡбара ” дахәаԥшны (1508-1509). Раимонди аџьаз аҟны иҟаиҵаз агравиура, Џьорџьоне исахьаҭыхымҭа “Ақыҭатә концерт” (1508-1509) еиԥш, иара асхьаҭыхҩы ихаҭа [[Мане, Эдуард|Е. Мане]] ишиҳәоз ала, асахьаҭыхымҭа « [[Завтрак на траве (картина Мане)|Ашьацраҿ шьыбжьхьаҟаҵара]]»(1863) шьаҭас иаиуит<ref> Прокофьев В. Н. Живопись Эдуарда Мане между прошлым и будущим (некоторые вопросы поэтики и стилистики) // Прокофьев В. Н. Об искусстве и искусствознании. — М.: Советский художник, 1985. — С. 128 (письмо Ш. Бодлера Надару от 14 мая 1859 г.)</ref>. === Ажәеинраалақәа === [[Файл:La Fornarina by Raffaello.jpg|мини|слева|229px|[[Форнарина (картина)|Аԥҳәыс қәыԥш лпортреҭ (Форнарина)]]. 1518-1519 шықәсазы. Палаццо Барберини, Рим. Аҵарауаа реиҳараҩык ргәы ишаанагоу ала, асахьаҿы Рафаель бзиа иибоз, имодель [[Форнарина]] даарԥшуп. Рафаель данԥсы ашьҭахь, Џьулио Романо аԥҳәыс лыжәҩахыр аҿы иҭихит «Рафаель Урбинас» ҳәа зныз анапхаҵа.]] [[Файл:Raffaello Sanzio - La Donna Velata.jpg|мини|229px|[[Донна Велата|Донна Велата (Ақәыршә зхоу аԥҳәыс)]]. 1516.ақәатәа, ахәшашәыга. Палаццо Питти, Флоренциа]] Иаамҭазы иҟаз асахьаҭыхыҩцәа реиԥш, иаҳҳәап, [[Микеланџьело|Микеланџьело]], Рафаельгьы ажәеинраалақәа иҩуан. Иахьанӡагьы еиқәханы иҟоуп [[сонет|асонет]]қәа рыцҵаны иҭихыз исахьақәа. Ҵаҟа ижәбоит А. Махов еиҭеигаз асахьаҭыхҩы бзиа иибоз аԥҳәызбацәа руаӡәк илзикыз асонет. {{Ацитата алагара}}Амур, ирмаҷ убла хызкуа алашара Уара иааушьҭыз ҩ-бла џьашьахәык. Урҭ ҳақәдыргәыӷуеит ма ахьҭа, ма аԥхын амца шоура, Аха урҭ арыцҳашьара цәыкәбар хәыҷыкгьы рылам. Сара урҭ рыԥшӡара анысныр, Ишԥасцәыӡи схақәиҭреи сҭынчреи. Ашьхантә иасуа аԥшагьы, ацәқәырԥақәагьы Уи амца рзырцәаӡом сара сахьдырхәуашәа. Ҿымҭӡакәа сыхьанҭара ахгара сазыхиоуп Ашьамҭлаҳәқәа рыла иҿаҳәоу тәыс сыҟаз Урҭ рцәыӡра -аԥсра иаҩызоуп. Сгәаҟрақәа дарбанзаалак еиликаауеит, Агәаҳәарақәа раанкылара злымшаз Абзиабаратә ԥшатлакә ԥсаҭатәыс саиуит.{{Ацитата алгара}} === Рафаель иԥсреи Апантеон аҿы анышә иамадареи === [[Файл:Raphael's grave, Pantheon 2010.jpg|мини|Рафаель исаркофаг Апантеон аҟны. Рим. Аскульптор А. Мунес. 1811—1833]] Рафаель иԥсҭазаара далҵит Рим, мшаԥымза 6,1520 шықәса рзы, 37 шықәса дшырҭагылаз. Џь. Вазари иҩуан, Рафаель «абжьааԥны аасҭа еиҳа қьафурала аамҭа анихига ашьҭахь » дыԥсит ҳәа, аха иахьатәи аҵарауаа ргәы ишаанаго ала, иԥсра зыхҟьаз аԥсыԥ лага-ҩагаратә чымазара имцашоура ӷәӷәала иахьханагалаз иахҟьеит. Аҳақьымцәа иҟарҵаз агха иахҟьеит ҳәа,-апапа иааишьҭыз аҳақьымцәа, ииашамыз адиагноз ықәдыргылеит, ашьакаҭәарала имцашоура ладырҟәырц рҽазыршәеит, уи ахьҭа ӷәӷәа злаланы иҟаз ачымазаҩ изы даара ишәарҭан (ари атәы XVI-тәи ашәышықәсазгьы еилкааны ирыман<ref>{{Cite web|url=https://doi.org/10.1007/s11739-020-02435-8|title=Riva, M.A., Paladino, M.E., Motta, M. et al. The death of Raphael: a reflection on bloodletting in the Renaissance. Intern Emerg Med (2020)}} </ref>). Дыԥсаанӡа, Рафаель иҭаххеит иара ихарџь ала Апантеон аҿы «ажәытәӡатәи ахаҳәтә табернакль еиҭашьақәыргылазарц, насгьы уаҟа Мадонна лҳатәара зықәгылоу аныҳәарҭа дыргыларц, уи аҵаҟа анышә дахьарҭаша аҭыԥ алихит». Ажәытәӡатәи Венера илеиԥшны(егьырҭ ахыҵхырҭақәа рыла, Исида) аҳаҭәара аҟаҵара идиҵеит иҵаҩы, аскульптор, архитектор Лоренцо Лотти, хьыӡшьас [[Лоренцетто]] ҳәа зарҳәоз. Аскульптура "Мадонна дель Сассо" ҳәа иашьҭалеит (италиан бызшәала: Мадонна дель Сассо - Ашьха Мадонна, мамзаргьы Ахаҳәтә), избан акәзар Мадонна лшьапқәа ахаҳә иқәгылоуп. Аха аҟаза ду анышә дахьамадаҵәҟьоу еилкаамызт<ref>La Morte di Raffaello. — URL: [http://la-morte-di-raffaello-da-urbino.blogspot.com/2016/11/tomba-di-raffaello-al-pantheon-la-morte.html] {{Wayback|url=http://la-morte-di-raffaello-da-urbino.blogspot.com/2016/11/tomba-di-raffaello-al-pantheon-la-morte.html|date=20220118213141}}</ref>. цәыббрамза 14, 1833ш азы, асахьаҭыхҩцәа, [[Папская академия литературы и изящных искусств|аҟазара апапа иакадемиа]] алахәылацәа ражәалагалала, Апапа Григори XVI изин ала, дахьжыҵәҟьоу аилкааразы, аӡҟы дызку Мадонна лҳатәара зықәгылаз аплита аадыртит. Уи ахҭыс иалахәын апапа икуриа ахаҭарнакцәа, апапа ицҳаражәҳәаҩ, акардинал Викарио Зурла, аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа рыцҳаражәҳәаҩцәа, ауахәама ахаҭарнакцәа, Рим ақалақь ахаҭарнакцәа, анотариусцәа, аҳақьымцәа, археологцәа. Урҭ инарҷыданы,уи аамҭазы Рим иаҭааны иҟаз еицырдыруаз ашәҟәыҩҩцәеи аҟазацәеи: И. Ф. Овербек, Б. Торвальдсен, К. П. Бриуллов, О. Верне, Ф. А. Бруни, А. А. Иванов уҳәа убас егьырҭгьы. Зегьы ааидкыланы хынҩажәи жәохәҩык ауаа. Асахьаҭыхҩы [[Камуччини, Винченцо|Винченцо Камуччини]] акардама аартра апроцесс аарԥшразы иҷыдоу азин иҭан. Иара иаарту акардамеи аԥсыбаҩи рсахьа ҭихит, урҭ литографиала иҭрыжьит. Мызкы иалагӡаны Рафаель иԥсыбаҩ зегьы иахьырбоз иқәыргылан, анаҩс уи ажәытәӡатәи Римтәи асаркофаг иҭарҵеит, иара апапа иколекциа аҟынтәи ириҭеит. Асаркофаг ахҩа аҟны алаҭинтә епитафиа анырҵеит. Уи иҩит италиатәи агуманист, акардинал [[Бембо, Пьетро|Пиетро Бембо]]: «ILLE HIC EST RAPHAEL TIMUIT QUO SOSPITE VINCI / RERUM MAGNA PARENS ET MORIENTE MORI» ( ара анышә дамадоуп Рафаель дуӡӡа, иԥсы анҭаз аԥсабара даииаир ҳәа ишәон, даныԥсы ашьҭахь иара ԥсыр ҳәа ишәон). Асаркофаг ҭыԥк аҿы ишьҭаҵаны, асаркьа ала ихырҩеит. Ахҩа аҿы адаԥа иалху аџьазтә венок арҭеит, акардама ахыхь- игәыдеибакыло ҩ-ҳәыҳәк, Антонио Муниос искульптура (1811) Акомпозициа атеатралтә ҟазшьа шамоугьы, иара уныруеит, избан акәзар «асаркофаг аҿы аӡәгьы иеиԥшымкәа, аԥштәқәеи ацәаҳәақәеи аԥсҭазаара рыхҵара здыруаз аӡәы иԥсыбаҩ ыҟоуп»<ref>Власов В. Г. Пантеон и пантеоны. Умножение наименований: культурно-исторические и мнемонические аспекты изучения памятников классической архитектуры // Архитектон: известия вузов. — 2020. — № 2(70). — URL: [http://archvuz.ru/2020_2/5] {{Wayback|url=http://archvuz.ru/2020_2/5|date=20210603064838}}</ref>. === Рафаелески === Иналукааша италиатәи аҟазацәа ирҿыԥшқәоз, рышьҭамҭа ихылақәоз аҵаҩцәа традициала иааркьаҿны ирышьҭоуп: “Џьоттески”, “Леонардески”, “Џьорџьонески”... “Рафаелескиқәа” рахь иаҵанакуеит аҟаза иҟазарҭаҿы аус зуаз ицхырааҩцәа, Рафаель данԥсы ашьҭахь, зхала аус зуаз: [[Романо, Джулио|Џьулио Романо]], [[Себастьяно дель Пьомбо|Себастиано дель Пиомбо]], [[Перино дель Вага]], [[Пенни, Джанфранческо|Франческо Пенни]], Џьованни да Удине, [[Содома]]. Зегь реиҳа абаҩхатәра иман архитектор, аҿыханҵаҩ [[Романо, Джулио|Џьулио Романо]]. Ирҵаҩы истиль ала иҟаҵаз иусумҭақәа, зны-зынлагьы иескизқәа рыла иҟаиҵоз, рыхә ҳаракны иршьомызт аамҭак ицаныз ауаа. Аха, уи XVI-тәи ашәышықәса аҩбатәи азбжазы италиатәи аҟазара аҿиараҿы анаҩстәи акыр зҵазкуа аетап [[маньеризм|аманиеризм]] аҟазара ашьаҭаркҩцәа дыруаӡәкхеит. Еиҳараӡак иара Рим аус иуан, аха зегь реиҳа иоригиналтәу иргылареи исахьанҵақәеи [[Мантуя|Мантуа]] иҟоуп — [[Палаццо дель Те]]. Џьованни Нанни [[Удине]]ҟа дхынҳәит, уаҟа иара иаԥиҵеит акыр зҵазкуа асахьаҭыхымҭақәа. Франческо Пенни [[Неаполь]]ҟа нхара диасит, аха дышқәыԥшыз дыԥсит. Перино дель Вага Флоренциеи [[Генуя|Генуе]]и аус иуан. === Рафаель ирҿиаратә метод аҭоурыхтә хәшьарақәа === Рафаель иусумҭақәа рыҭҵааҩцәеи рдырыҩцәеи реиҳараҩык иазгәарҭоит иҟазара иацу аласреи апластикеи. “Еснагь аҵара дазхиан, еиуеиԥшым аныррақәа идикылон: [[Перуджино|Перуџьино]] “ихәыцуа Мадоннақәа” рҟәымшәышәра, Леонардо да Винчи и[[сфумато]], иара убас “акомпозициатә хкәакь”, иҟазара аҵыхәтәантәи аетапаҿы Микеланџьело ифигурақәа рпластика ду. Иара анатура акырӡа аус адиулон, ашьшьы-шьшьыҳәа ескизк аҟынтә даҽа ескизкахь диасуа, акомпозициа еибакапануа,аформа шьахәны иҟаиҵон. « Иара изы аҟазара ргәаҟгамызт ма еилкаам хықәкымызт. Еиҳа-еиҳа иҟазара ршьахәуа, Рафаель иҿаԥхьа инаигӡашаз азҵаатәқәа ықәиргылон. Рафаель еснагь иҟаиҵон егьырҭ иҟарҵарц ирҭахыз». Г. Виольфлин ихшыҩҵак ҵар инақәршәаны «Микеланџьелои Леонардои рҟазара инаҭаз анырра илан игәаҭеиуа»<ref> Вёльфлин Г. Классическое искусство. Введение в изучение итальянского Возрождения. — СПб.: Алетейя, 1997. — С. 84, 88 </ref>. Рафаель иҭоурыхтә лшамҭаны иҟоуп, иҟазараҿы еиуеиԥшым ҩ-дунеик акны иахьеидиҳәалаз — ақьырсиантә дунеии аклассикатә дунеии”<ref> Гращенков В. Н. Об искусстве Рафаэля. — С. 10 </ref>. Жәашықәсала имҩаԥысуаз «[[Спор о древних и новых|Ажәытәқәеи аҿатәқәеи рзы аимак]]» ([[классицизм|аклассицизм]] адгылаҩцәеи [[барокко|абарокко]] адгылаҩцәеи) асахьаҭыхреи аскульптуреи Парижтәи Акралтә Академиа анапхгаҩы [[Лебрен, Шарль|Шарль Лебрен]] абҵарамза 5,1667 шықәсазы аклассикатә ҿыханҵа ашедеврқәа рзы лекциақәа рцикл ааиртит. Раԥхьатәи илекциа Рафаель ирҿиара иазикит. Европатәи [[Академизм|аҟазаратә академиақәа]] зегьы рҿы “Анцәахша Рафаель” иҟазара еталонс иҟан, насгьы зеиӷьыҟам ҿырԥшыгас иԥхьаӡан. Рафаелизм апологетцәа рҟынтә еиҳа иалкаауп [[Менгс, Антон Рафаэль|Антон Рафаель Менгс]]и [[Энгр, Жан Огюст Доминик|Џь. Енгар]]и. Рафаель иусумҭақәа ирымҵахырхәон [[Кальдара, Полидоро|Полидоро да Караваџьо]], [[Франча, Франческо|Франческо Франча]]. Ахәҭакахьала, Енгар иазгәеиҭеит: «Фидии Рафаели рышьҭахь аҟазараҿы акрызҵазкуа ҳәа уаҳа акгьы аартра залшом... Рафаель насыԥ иман ҳәа рҳәоит. Ааи, аха уи зыхҟьо уи ԥсабаратәла лакьыс узиҭомызт, дынцәахшан,Микеланџьело иусумҭа дуқәа уанрыхәаԥшуа, гәыкала урҭ ушдыршанхогьы, урҭ рҿы ааԥсарак аҷыдарақәа убарҭоуп. Рафаель иҟны даҽакала иҟоуп. Иаԥҵамҭақәа зегьы ссирӡақәоуп; Анцәа иаԥҵамҭақәа реиԥш, урҭ ԥшатлакәҵас ицәырҵыз рҿиаратә гәазыҳәара ссирк ала иҿиазшәа ауп ишыҟоу»<ref> Энгр об искусстве. — М.: Изд-во Академии художеств СССР, 1962. — С. 74, 81 </ref>. Рафаель иҟазарахь абас еиԥш иҟаз азнеишьа, аамҭа анца ашьҭахь аҭактә реакциа аиуит: аҟазараҿы [[романтизм|аромантизм]]и [[Реализм (живопись)|ареализм]]и рыдгылаҩцәа рыкритика обиект хаданы Рафаель дҟарҵеит. Милан, Рим ақалақьқәа рҿы Рафаель иҟазара нҭкааны иҭызҵааз аурыс сахьаҭыхҩы [[Иванов, Александр Андреевич|А. А. Иванов]] иазгәеиҭеит, Рафаель исахьақәа иааидкыланы «аграциеи аҳаракыреи» рҟазшьоуп ҳәа<ref> Мастера искусства об искусстве. М.: ИЗОГИЗ, 1937. Т. IV. С. 125 </ref>. 1883 шықәсазы Рафаель Санти диижьҭеи ԥшьышә шықәса аҵра ныҳәа дула иазгәарҭеит. [[Санкт-Петербург]] иҟоу [[Императорский фарфоровый завод|Аимператортә фарфортә зауад]] аҿы, аимператор [[Александр III]] идҵала, ари арыцхә азы Ватикан иҟоу “Рафаель илоџьиақәа” агротескқәа рмотивқәа рыла, асахьаҭыхҩы С. Р. Романов исахьанҵақәа зну “Рафаель исервиз” ҭрыжьит<ref>Рафаэлевский сервиз ИФЗ [http://farfor-expert.ru/rafaelevskij-serviz/] {{Wayback|url=http://farfor-expert.ru/rafaelevskij-serviz/|date=20220118182531}}</ref>. == Иусумҭақәа рыхәԥса == [[Файл:Raffaello Sanzio, - cartoon for the Head of a Young Apostle, c.1519-20.jpg|мини|справа|"Ацҳаражәҳәаҩ қәыԥш ихы"]] Ԥхынҷкәынмза 5, 2012ш азы [[Сотбис|Сотсбис]] аукцион аҟны ирҭиит Рафаель исахьа “Ацҳаражәҳәаҩ қәыԥш ихы” (1519-1520) асахьаҭыхымҭа “Аҽеиҭакра” азы. Ахәԥса £29,721,250 фунт стерлинг артәет, раԥхьатәи ахә аасҭа ҩынтә еиҳан. Ари аҿыханҵатә усумҭақәа рзы ирекордуп<ref>{{Cite web |url=http://www.sothebys.com/en/auctions/ecatalogue/2012/old-master-british-paintings-evening-l12036/lot.52.lotnum.html |title=Сайт Sotheby’s |access-date=2013-01-19 |archive-date=2018-02-20 |archive-url=https://web.archive.org/web/20180220033607/http://www.sothebys.com/en/auctions/ecatalogue/2012/old-master-british-paintings-evening-l12036/lot.52.lotnum.html |url-status=live }}</ref>. == Аҟазараҿы ахаҿсахьа == === Акиносахьақәа === * 2017 - Рафаель. Аҟазара аҭауад<ref>В некоторых русских источниках — «Принц», в англоязычном прокате — ''The Lord'' (of the arts)</ref> / Рафаелло: Il Principe delle Arti (реж. Лука Виотто / Лука Виотто) - адокументалтә-хәмарратә, Рафаель Санти ироль аҿы - Флавио Паренти / Флавио Паренти, Џьованни Манти ироль аҿы - Енрико Ло Версо / Енрико Ло Версо === Афилателиаҿы === <gallery> Файл:The Soviet Union 1970 CPA 3956 stamp ('The Conestabile Madonna' (Raphael)).jpg|Рафаель исахьаҭыхымҭа "Мадонна Конестабиле", 1970 [[СССР]] [[Почтовая марка|аԥошьҭатә марка]]ҿы. Файл:USSR 1983 5305 3111 0.jpg|Рафаель исахьаҭыхымҭа " Иԥшьоу Аҭаацәара", 1983 [[СССР]] [[Почтовая марка|аԥошьҭатә марка]]ҿы. Файл:КПД СССР, 1983 г. со спецгашением. 500 лет со дня рождения Рафаэля.jpg|[[Конверт первого дня|Раԥхьатәи амш аконверт (КПД)]], СССР, 1983 ш., [[Специальное гашение|аҷыдатә ԥошьҭатә штамп]] зцу. Рафаель диижьҭеи хәышә шықәса аҵра. Файл:GDR-stamp Raffael 1955 Mi. 509.JPG|Рафаель исахьаҭыхымҭа "Сикстинтәи Мадонна", 1955 [[ГДР]] [[Почтовая марка|аԥошьҭатә марка]]ҿы. </gallery> == Шәахә. иара уб. == * [[Список работ Рафаэля|Рафаель иҭыхымҭақәа рсиа]] * [[Мадонны Рафаэля|Рафаель Имадоннақәа]] * [[Станцы Рафаэля|Рафаель истанцақәа]] * [[Портреты Рафаэля|Рафаель ипортреҭқәа]] * [[Форнарина]] * [[Рафаэль (кратер)|Рафаель (акратер)]] * [[Леонардо да Винчи]] * [[Микеланџьело|Микеланџьело Буанарроти]] * [[Тициан|Тициан Вечеллио]] * [[Сандро Боттичелли]] == Азгәаҭақәа == {{Reflist|2}} == Алитература == * {{Книга |автор = Санти Б. |заглавие = Рафаэль |издание = |оригинал = ''Santi Bruno'' Raffaello (1993) |ответственный=Пер. с ит. И. С. Фомичёва|место = М. |издательство = Слово |год = 1995 |страницы=|страниц = 80 |isbn=|ref = Санти Б.}} * ''Кристоф Т.'' Рафаэль. — Taschen. 2005 * {{книга | автор = {{comment|Махов А. Б.|Александр Борисович}} | заглавие = Рафаэль | место = М. | издательство = [[Молодая гвардия (издательство)|Молодая гвардия]] | год = 2011 | серия = [[Жизнь замечательных людей]] | страниц = 376[8] | isbn = 978-5-235-03462-4 | тираж = | ref = }} * {{Книга |автор = [[Стам, Соломон Моисеевич|Стам С. М.]] |заглавие = Флорентийские мадонны Рафаэля : Вопросы идейного содержания |место = Саратов |издательство = Издательство [[Саратовский университет|Саратовского университета]] |год = 1982 |страниц = 80 }} * {{книга |автор = [[Элиасберг, Нора Ефимовна|Элиасберг Н. Е.]] |заглавие = Рафаэль |ссылка = |ответственный = |издание = |место = М. |издательство = [[Искусство (издательство)|Искусство]] |год = 1961 |страниц = 56 }} * [[Гращенков, Виктор Николаевич|Гращенков В. Н.]] Рафаэль. — М.: Искусство, 1975. — 25000 экз. == Азхьарԥшқәа == * [http://www.rafaelsanti.ru/ Сайт, посвящённый творчеству Рафаэля Санти]{{In lang|ru}} * [http://top-antropos.com/religion/jesus-maria/item/134-madonny-rafajelja Мадонны Рафаэля (42 картины)] * [http://www.art-drawing.ru/gallery/category/696-raphael Рафаэль Санти. Картины] [http://www.art-drawing.ru/biographies/brief-biographies/1213-raphael и биография] * Сонеты Рафаэля Санти в переводах Павла Алешина: https://rosa-mundi.ru/section/raffaello_sanzio {{Авторитет змоу адыррақәа}} [[Акатегориа:Римтәи апантеон аҿы анышә иамадақәоу]] [[Акатегориа:XVI ашәышықәсазы Италиа аскульпторцәа]] [[Акатегориа:Италиатәи аиҭарҿиара аамҭазы аскульпторцәа]] [[Акатегориа:Агәчымазара иахҟьаны зыԥсҭазаара иалҵқәаз]] [[Акатегориа:Италиатәи аиҭарҿиара аамҭазы асахьаҭыхҩцәа]] [[Акатегориа:XVI ашәышықәсазы Италиа асахьаҭыхҩцәа-амонументалистцәа]] [[Акатегориа:Амифологиатә тематикала ирҿиоз асахьаҭыхыҩцәа]] [[Акатегориа:XVI ашәышықәсазы Италиа асахьаҭыхыҩцәа]] noy67ag73nokq1pf324ypvjjsxezldj 170634 170632 2026-07-27T14:13:58Z Nart17 17397 Акарточка: ab-параметрқәа рхы иархәара; Викидырра аҟынтәи аурыс текст ацәыхьчара (RU-источник инақәыршәаны). 170634 wikitext text/x-wiki {{Аиҭархара|Рафаель|Рафаель (еилыркаара)|Рафаель захьӡу ма изыжәлоу егьырҭ ауаа ирызку, иара убасгьы даҽа ҵакқәак змоу.}} {{Акарточка артист | ахьӡ = Рафаелло Санцио | афото = Raffaello Sanzio.jpg | ахҵара = Ахатәыпортреҭ. 1504 - 1506 Амҿы, атемпера. 33 × 47,5 см. [[Уффици]], [[Флоренция|Флоренциа]] | атәылауаҩра = [[Файл:Banner_of_Arms_of_the_Duchy_of_Urbino.svg|border|22px]] [[Герцогство Урбино|Урбинотәи агерцогцәа рыдгьылқәа]] <!-- Аҵаҟатәи апараметрқәа ҭацәны иаанхоуп мап ацәкра азы: аурыс текст Викидырра аҟынтәи (ru-источник аҿгьы урҭ ҭацәын). Иарбанзаалак ҭаргылара RU-источник иацәыхьчалатәуп. --> | аԥсра зыхҟьаз = | аԥсыжра аҭыԥ = | анхарҭа = | амилаҭра = | алма-матер = | Азанааҭ = | аусураҭаҩ = | арҿиара дуқәа = | амеценат = | инырит = | анашьамҭақәа = | амазара = | апартиа = | адин = | аԥҳәыс = | ахаҵа = | ацынхаҩы = | ахәыҷқәа = | амаҵура = | асаит = }} '''Рафаель Санти да Урбино'''<ref>{{Cite web |url=http://gramota.ru/slovari/dic/?ag=x&word=%D1%80%D0%B0%D1%84%D0%B0%D1%8D%D0%BB%D1%8C%D1%81%D0%B0%D0%BD%D1%82%D0%B8 |title=Ударение в Словаре имён собственных |access-date=2022-04-18 |archive-date=2021-05-02 |archive-url=https://web.archive.org/web/20210502142941/http://gramota.ru/slovari/dic/?ag=x&word=%D1%80%D0%B0%D1%84%D0%B0%D1%8D%D0%BB%D1%8C%D1%81%D0%B0%D0%BD%D1%82%D0%B8 |url-status=live }}</ref>, мамзаргьы '''Рафаелло Санцио''' (итал. Raffaello Santi, Raffaello Sanzio, Rafael, Raffael da Urbino, Rafaelo; хәажәкырамза [[Хәажәкырамза 26|26]] ма [[Хәажәкырамза 28|28]], ма [[Мшаԥымза 6|мшаԥымза 6]]<ref name="BRE">{{БРЭ|автор=[[Назарова, Ольга Алексеевна|О. А. Назарова]]|2=28|3=264—266|статья=Рафаэль|ссылка=https://old.bigenc.ru/fine_art/text/3495496|архив=https://web.archive.org/web/20230610205947/https://old.bigenc.ru/fine_art/text/3495496|архив дата=2023-06-10}}</ref>, [[1483|1483ш]], [[Урбино]] —[[Мшаԥымза 6|мшаԥымза 6]],[[1520]], [[Рим]]) - [[Изобразительное искусство Италии|Италиатәи]] [[художник|асахьаҭыхҩы]], [[живописец|аҿыханҵаҩ]], [[Рисунок|аҭыхҩы]], [[умбрийская школа|умбриатәи]], [[Флорентийская школа живописи|флоренциатәи]] [[архитектор]], уи ашьҭахь - Римтәи [[Школа (в науке и искусстве)|ашкол]]. [[Высокое Возрождение|Иреиҳау Аиҭарҿиара]], ма XVI-тәи ашәышықәса алагамҭазы "Римтәи классицизм" аҟазара ахаҭарнакцәа дыруаӡәкын. Иара ҩажәи жәибыжь шықәса роуп иниҵыз, қәра дук шныимҵызгьы, [[Италиа|Италиа]] еицырдыруаз, амал змаз асахьаҭыхҩцәа дыруаӡәкхеит. Рафаель иусумҭақәа рҿы иааирԥшит [[Ренессансный гуманизм|аренессанстә гуманизм]] иҳараку аидеиақәа, ажәытәӡантәи иаауа, наӡаӡатәи аԥшӡареи ақьырсиантә дунеихәаԥшышьеи реидкылара илиршеит. Иҭыхымҭа «[[Сикстинская мадонна|Сикстинтәи Мадонна]]» лсахьа аҭоурых аҿы зегь реиҳа еицырдыруа асахьақәа ирхыҵхьаӡалоуп; аурыс шәҟәыҩҩы [[Достоевски, Фиодор Михаил-иԥа|Фиодор Достоевски]] зегь реиҳа бзиа иибоз асахьаҭыхымҭақәа иреиуоуп<ref>{{cite web|url=http://www.mirfilologa.ru/articles/ruslit/20vek/162-sikstinskaya-madonna-v-russkoj-literature-khkh-veka|title=«Сикстинская мадонна» в русской литературе XX века|publisher=www.mirfilologa.ru|access-date=2019-07-30|archive-date=2019-07-14|archive-url=https://web.archive.org/web/20190714224120/http://mirfilologa.ru/articles/ruslit/20vek/162-sikstinskaya-madonna-v-russkoj-literature-khkh-veka|url-status=live}}</ref>. == Ирҿиаратә нысымҩа == Рафаель иусумҭақәа удыршанхоит рформа еилыкка иахьыҟоу, [[Композиция (изобразительное искусство)|ркомпозициа]] ахьымариоу, насгьы ауаҩы иҳаракыреи иԥшӡареи [[Неоплатонизм|рнеоплатонтә]] идеал аарԥшра ахьилшази рзы<ref> Christian K. Vision and the Visionary in Raphael. — Penn State Press: 2011. —ISBN 978-0-271-03704-2 </ref>. Рафаельи [[Микеланџьело|Микеланџьелои]], [[Леонардо да Винчи|Леонардо да Винчии]] Иреиҳау Аиҭарҿиара аамҭа иаҵанакуа хҩык аҟазацәа дуӡӡақәа ҳәа иԥхьаӡоуп. “Рафаель насыԥ змаз сахьаҭыхҩын. Уи ӷәӷәала аус иуан, аха илаз аҟазара Микеланџьело иеиԥш, даргәаҟуамызт, мамзаргьы Леонардо да Винчи иеиԥш иузеилымкаауа маӡаны иҟамызт. Иара иҟазара еилкаан, иҭынчын, иҳаракын, идеалтәын. Ииашаҵәҟьаны иҟазара классикатәын"<ref> Гращенков В. Н. Об искусстве Рафаэля // Рафаэль и его время. — М.: Наука, 1986. — С. 7 </ref>. Рафаель Леонардо да Винчи иаасҭа ҩажәи жәеиза шықәсала деиҵбын, Микеланџьело —аашықәса, уи аамҭа ҿыц иаҵанакуаз аҿар дырхаҭарнакхеит, иара 1520 шықәсазы иаамҭамкәа иԥсҭазаара даналҵ инаркны, Италиа Иреиҳау Аиҭарҿиара аамҭа ииасуа иалагеит<ref> [[Власов, Виктор Георгиевич|Власов В. Г.]] Рафаэль Санти // Стили в искусстве. В 3-х т. — СПб.: Кольна. Т. 3. — Словарь имён, 1997. — С. 220 </ref>. Рафаель зеиԥшыҟам аҟазара злаз сахьаҭыхҩын, аҟазарҭа ду напхгара азиуан, иара ишьҭахь аусумҭақәа рацәаны иаанижьит. Ирҿиамҭақәа, ҳәарада, х-етапкны, х-стильк рыла еихшоуп, раԥхьаӡа акәны урҭ дрыхцәажәеит [[Вазари, Джорджо|Џьорџьо Вазари]]: [[Умбрия|Умбриа]] раԥхьатәи ишықәсқәа, анаҩс ԥшьышықәса раҟара (1504-1508) [[Флоренция|Флоренциа]] асахьаҭыхратә традициақәа зныԥшуаз аамҭа, уи ашьҭахь аҵыхәтәантәи итриумфтә усура-жәаҩа шықәса [[Рим|Рим,]] ҩыџьа апапцәа: [[Юлий II|Иули II]], [[Лев X|Леон X]] (1508—1520)рхаан. === Аҭоурыхҭҵаара === Рафаель иусумҭақәа иахьагьы аспециалистцәа иҭырҵаауеит, адискуссиақәа мҩаԥыргоит. Иҳаҩсыз жәашықәсақәа ирылагӡаны, ҿыц ицәырҵыз адыррақәа инарықәыршәаны, « Анцәахша Рафаель» изкны ирҩыз XVI-тәи ашәышықәсазы Џьорџьо Вазари, XIX-тәи ашәышықәса аҵыхәтәаны [[Вёльфлин, Генрих|Генрих Виолфлин]] ашәҟәы «Аклассикатә ҟазара» (1899) аҿы ирҩыз, «[[Пассаван, Иоганн Давид|И. Д. Пассаван]] Рафаель изку раԥхьатәи имонографиаҿы, мамзаргьы А. Миронов [[Энциклопедический словарь Брокгауза и Ефрона|Брокгаузи Ефрони Ренциклопедиатә жәар]] аҿы ирҩыз рацәаны еиҭарҿыцын. Ахәҭакахьала, Иреиҳау Аиҭарҿиара аҟазара змырԥсыҽуа, акультураҿы “рафаелизм” аҭыԥи арольи иааннакыло аҭыԥи арольи еиҭарыхәаԥшын, “рафаелескқәа” ( аҟаза иҵаҩцәеи ишьҭрақәлаҩцәеи), [[маньеризм|аманиеризм]] ахь ирымоуа зыҟазаашьа. Аха Рафаель ирҿиамҭақәа адунеизегьтәи аҟазара аҭоурых аҿы ирымоу ароль дуӡӡа аҵакы гәыҩбарак узцәырнагаӡом. === Урбино имҩаԥысыз ихәыҷреи иҿареи === Рафаель Санти заа иани иаби ицәыӡит. Иан Марџьи Чарла дыԥсит 1491 шықәсазы. Иаб [[Санти, Джованни|Џьованни Санти]] Урбино агерцог иҟны,[[Гвидобальдо да Монтефельтро|Гуидобальдо да Монтефельтро]] аҳҭынраҿы сахьаҭыхҩыси поетси дыҟан. Иара 1494 шықәсазы иԥсҭазаара далҵит, аха дахьӡеит иԥа асахьаҭыхразы раԥхьатәи аурокқәа иҭара<ref>{{книга|автор=Srinivasan, A.|заглавие=World Famous Artists|ссылка=https://books.google.ru/books?id=IXvcvv1Fnw8C&pg=PA21|pages=21|isbn=81-7478-522-1}}</ref>. Ажәохәтәи ашәышықәса аҩбатәи абжазы Урбино аус зуаз Лучиано Лаурана, [[Франческо ди Джорджо|Франческо ди Џьорџьо]] Мартини, [[Пьеро делла Франческа|Пиеро делла Франческа]] иара асахьаҭыхра ирҵараҿы акырӡа аҵак ду нарыгӡеит. Рафаель Санти зегь раԥхьатәи иусумҭа, «Мадонна аӡҟы дыкны», иахьагьы [[Урбино]] ақалақь аҿы иҟоу [[Дом-музей Рафаэля Санти|Рафаель иҩны амузеи]] аҿы иҟоуп. Асахьаҭыхҩы раԥхьатәи иусумҭақәа иреиуоуп “Иԥшьоу ахҩеила рсахьа зну ахоругвь” (1499-1500 шықәсқәа инарзынаԥшуа), иара убас «Толентинотәи Иԥшьоу Николаи игәаргьынхаҵара»(1500-1501) [[Читта-ди-Кастелло|Читта ди Кастелло]] иҟоу Сант-Агостино ауахәама. === Аҵара. Умбриатәи аамҭа === [[Файл:PalaOddiRaffaello.jpg|мини|слева|Аҭыԥҳа агәыргьын лхаҵара ([[Алтарь Одди|Одди иныҳәарҭа]]). 1502-1504 шықәсазы. Ақәатәа,атемпера (амҿы аҟынтәи еиҭагоуп). Ватикан, Пинакотека.]] 1501 инаркны Рафаель [[Перуджа|Перуџье]] (Умбриа) иҟаз [[Пьетро Перуджино|Пиетро Перуџьино]] иҟазарҭаҿы аҵара иҵон, аусгьы иуан. Уи аамҭазы, иара лассы-лассы Перуџьи ааныжьны [[Урбино]], [[Читта-ди-Кастелло|Читта ди Кастелло]] игылаз иҩныҟа дцалон, [[Пинтуриккьо|Пинтуриккио]] дицны [[Сиена]]ҟа дцон, Читта ди Кастеллои Перуџьиеи рҟынтә иоуаз азаказқәа наигӡон. 1502 азы ицәырҵуеит раԥхьатәи “рафаель имадонна”-“ [[Мадонна Солли]] ”. Мадоннеи аӡҟи рсахьақәа - Рафаель қәыԥш зегь реиҳа бзиа иибоз теман, иԥсы ҭанаҵы ус еиԥш иҟаз асахьақәа ҭихуан. Аха иара заатәи «Мадоннақәа иҭынчу Умбриатәи апеизаж афонаҿ » (А. Н. Бенуа) Перуџьино истиль ала иҭыхын. Џь. Вазари излеиҳәо ала, Рафаель раԥхьатәи иусумҭақәа Перуџьино исахьақәа ирылукаартә иҟам. Егьырҭ раԥхьатәи аусумҭақәа рахь иаҵанакуеит «[[Сон рыцаря|Арыцар иԥхыӡ]]», «[[Три грации (Рафаэль)|Х-грациак]]»(рыҩбагьы 1504 шықәса инарзынаԥшуа). [[Дворжак, Макс|Макс Дворжак]] иазгәеиҭахьан, Рафаель «Умбриатәи аҟазацәа рҵаҩы иаҳасабала далагеит, нас Фра Бартоломео Флоренциа иааирԥшуаз адинтә-идеалисттә хырхарҭа дадгылеит ҳәа.Рафаель Римҟа диасаанӡа иԥсҭазаара далҵызҭгьы, иара ҳаамҭазы умбриа-флоренциатәи ашкола аҟазацәа бзиақәа дырхыԥхьаӡалахон, уи аҩаӡарагьы дахысран дыҟамызт. Наӡаӡатәи ақалақь ауп иара истиль дуи ирҿиара ауниверсалтә ҵаки рышьаҭа зҳаз<ref> Дворжак М. История итальянского искусства в эпоху Возрождения. Курс лекций. — М.: Искусство, 1978. — Т. II. — XVI столетие. — С. 45 </ref>. Хәыҷы-хәыҷла Рафаель ихатә стиль ааирԥшит. Асахьа «[[Обручение Девы Марии (картина Рафаэля)|Мадоннеи ԥаҵа зҿам Иосифи]]» (1504) аҿы Пиетро Перуџьино абри атемала иҟаиҵаз акомпозициа даҽазныкгьы иаагоуп, аха асахьақәа рҭыхра апластикаҿы аҵаҩы ирҵаҩы дииааит. Одди иныҳәарҭазы иҭихыз асахьаҿы «[[Алтарь Одди|Мариа Қьырса хәыҷ дыкны]] » (1504 шықәса инарзынаԥшуа), Рафаель иԥшааит анаҩстәи иусумҭақәа рҿы еиқәиршәашаз акомпозициа. Аныҳәарҭа рзы акомпозициа дуқәа рыдагьы, Рафаель иаԥиҵеит асахьа хәыҷқәа: «[[Мадонна Конестабиле]]» (1502-1504), «Агәылшьап зшьуа Аԥшьа Георги » (1504-1505 инарзынаԥшуа) насгьы апортреҭқәа - «Пиетро Бембо ипортреҭ» (1504-1506). 1504 шықәсазы Урбино ақалақь аҿы Рафаель афилософ, ашәҟәыҩҩы, афилантроп, аграф [[Кастильоне, Бальдассаре|Балдассаре Кастильоне]] диабадырит, уии иареи аиҩызара ӷәӷәеи асалам шәыҟәқәеи рыбжьалеит, ахәҭакахьала, Рафаель иҭихыз аҭыӡсахьа “[[Триумф Галатеи|Галатеиа лтриумф]]” иадҳәалоу, аҟазара аҭоурых аҿы еицырдыруаз ашәҟәқәа. === Флоренциатәи аамҭа. "Флоренциатәи Амадоннақәа" === [[Файл:Raphael Madonna with Beardless St. Joseph.jpg|мини|[[Мадонна с безбородым Иосифом|Мадонна аԥаҵа зҿам Иосиф дицны]] (Иԥшьоу аҭаацәара) 1506. Темпера, ақәатәа, ахәшашәыга (амҿы аҟынтәи еиҭагоуп). Аҳәынҭқарратә Ермитаж, Санкт-Петербург]] 1504 шықәса ахырқәшамҭазы Рафаель [[Флоренция|Флоренциа]]ҟа нхара диасит. Абраҟа [[Леонардо да Винчи|Леонардо да Винчии]] иареи еибадырит, иара убас [[Микеланџьело|Микеланџьело]], [[Фра Бартоломео|Бартоломео делла Порта]] уҳәа егьырҭ Флоренциатәи аҟазацәа аӡәырҩы. Инҭкааны иҭиҵаауан Леонардо да Винчи иҿыханҵатә техника, и[[сфумато]]. Рафаель егьырҭ аҟазацәа реихьӡарақәа ирласны идикылон, иҵон, иӡхьоу Леонардо да Винчи исахьаҭыхымҭа “Ледеи амшынҟызи” аҟынтәи Рафаель иҭыхымҭа нханы иҟоуп, иара убас Микеланџьело иҭыхымҭа “Аԥшьа Матфеи” аҟынтәи. «...Леонардои Микеланџьелои русумҭақәа рҿы иибаз атехникақәа ирыбзоураны, иара иҵегьы аусура иҽадицало далагеит, урҭ рҟынтәи иҟазареи иҟазшьеи рзы ахәарҭа ду алигарц азы», ​​— ҳәа иҩуан Џь. Вазари<ref name="Вазари">{{книга |автор = Джорджо Вазари. |часть = |заглавие = Жизнеописания наиболее знаменитых живописцев, ваятелей и зодчих|оригинал = |ссылка = |ответственный = |издание = |место = М.|издательство = АЛЬФА-КНИГА |год = 2008|том = |страницы = |страниц = |серия = |isbn = |тираж = }}</ref>. “Иҳәаатәхаз” ​​асахьа акәхеит “[[Положение во гроб (картина Рафаэля)|Акәыба аҭаҵара]]”, уи аҟаза раԥхьатәи “Умбриатәи астиль” ацәхьаҵразы иҟаиҵаз аҽазышәара аанарԥшуан. Рафаель раԥхьаӡа Флоренциа Аньоло Дони иҟынтәи, уи иԥҳәыси иареи рпортреҭқәа ҭихразы азаказ иоуит, аҵыхәтәантәи Леонардо да Винчи иҭыхымҭа « [[Мона Лиза|Мона Лиза дель Џьокондо]]» Рафаель инаҭаз анырра аныԥшит. Иара убри аамҭазы, Аньоло Дони изы Микеланџьело Буонарроти «[[Мадонна Дони]]» [[тондо|атондо]] аԥиҵеит. Флоренциа Рафаель аныҳәарҭатә сахьақәа ҭихит: «Аҳ итәарҭаҿ итәо Мадонна Иоанн Аӡӡаахҩи Баринтәииҿ Николаи лыцны» (1505 шықәса иназынаԥшуа), «[[Положение во гроб (Рафаэль)|Акәба аҭаҵара]]» (1507 шықәса) насгьы апортретқәа - « [[Дама с единорогом (картина Рафаэля)|Аԥҳәызбеи атәыҩазаҵәи]]» (1506-1507 инарзынаԥшуа). Аҿыцрақәа рацәаны ишцәырҵызгьы, Рафаель итрадициатәу атехника еиҳа еиӷьишьон: темперала аус иуан, амҿаҟны ахәшашәыга ихы иаирхәон, ақәатәа аҿы акәымкәа. 1507 азы Рафаельи [[Донато Браманте]]и еибадырит. Ишьақәырӷәӷәам адокументалтә версиа ала, урҭ еиуацәан, иҟалап Браманте иашьа иԥа иакәызҭгьы. Ишыҟазаалакгьы, Браманте иакәхеит абжьгаҩыс иоуз, анаҩсгьы хылаԥшра изызуаз, ашьҭахь Ватикан аусуразы иреиӷьу акандидат ҳәа асахьаҭыхҩы Апапа [[Юлий II|Иули II]] дидигалеит. Рафаель еиҳа-еиҳа ихьӡ-иԥша иацлон, аԥшьацәа рсахьақәа раԥҵаразы адҵақәа рацәаны иоуан: « Иԥшьоу аҭаацәара аԥшьацәа Елизаветеи Иоанн Аӡӡаахҩи рыцны» (1506-1507 шықәсақәа инарзынаԥшуа). «[[Мадонна с безбородым Иосифом|Иԥшьоу аҭаацәара (Мадоннеи аԥаҵа зҿам Иосифи)]]» (1505-1507), «[[Святая Екатерина Александрийская (Рафаэль)|Александриатәи Аԥшьа Екатерина]]» (1507-1508 инарзынаԥшуа). [[Файл:Raffaello Sanzio - Madonna del Cardellino - Google Art Project.jpg|мини|слева|[[Мадонна со щеглом|Мадонна ашьхарҵыс кны]]. 1505-1506 шықәсазы. Амҿы, ахәшашәыга. Уффици, Флоренциа]] Флоренциа ақалақь аҿы Рафаель Мадоннақәа зну асахьақәа ҩажәаҟа аԥиҵеит. Амала, атемақәеи акомпозициақәеи еиҭаҭихуан: Мадонна аӡҟы ма дылгәыдкыланы дылкуп, мамзаргьы [[Иоанн Креститель|Иоанн Аӡӡаахҩы]] ивара дыхәмаруеит, аха “Мадоннақәа” зегьы индивидуалтәқәоуп, насгьы ирныԥшуа ан лыхаарақәа узеидкылом (иҟалап, иан заа лыԥсҭазаара дахьалҵыз Рафаель игәаҿы ашьҭа ӷәӷәа ааннажьзар). Рафаель ихьӡ-иԥша ахьеизҳауаз иабзоураны, азаказқәа рацәаны иоуа далагеит; иара «[[Мадонна Грандука]]» аԥиҵоит (1505), «[[Мадонна с гвоздиками|Мадонна агвоздикақәа кны]] » (1506 шықәса инарзынаԥшуа), «Мадонна абалдахин аҵаҟа» (1506-1508). Ари апериод иреиӷьыз аусумҭақәа рахь иаҵанакуеит «[[Мадонна Террануова]]» (1504-1505), «[[Мадонна со щеглом|Мадонна ашьхарҵыс кны]] » (1506), «Мадоннеи аӡҟи Иоанн Аӡӡаахҩи ([[Прекрасная садовница|Абаҳчааӡаҩ ԥшӡа]])» (1507-1508). === Римтәи аамҭа. Ватикан иусура === [[Файл:"The School of Athens" by Raffaello Sanzio da Urbino.jpg|мини|300px|[[Афинская школа|Афинатәи ашкол]]. 1510-1511 шықәсазы. Аҭыӡсахьа. Астанца делла Сениатура, Ватикан]] [[Файл:Liberazione di san pietro 05.jpg|thumb|200px|справа|Аԥшьа Пиотр аҳаԥсы аҟынтәи ихы иақәиҭтәра. Астанца д'Елиодоро асахьанҵа ахәҭаҷ. 1513-1514]] 1508 шықәса аҩбатәи абжазы Рафаель [[Рим]]ҟа нхара диасит (иԥсы ҭанаҵы уаҟа даанхеит), Браманте ицхыраарала апапа иаҳҭынраҿы аофициалтә сахьаҭыхыҩны дҟалеит. Рим ауп Рафаель аклассицистикатә [[Стиль (искусство)|стиль]] ахьаԥиҵаз, уи алоуп ҳаамҭазгьы иусумҭақәа злаудыруа. Уи атәы 1918 азы иналукааша австриатәи аҟазара аҭоурыхҭҵааҩы [[Дворжак, Макс|Макс Дворжак]] илекциақәа рҿы иазгәеиҭеит, уи «Римтәи астиль» ацәырҵра Рафаель «идеалтә типқәа» раԥҵара иадҳәалоуп ҳәа азгәаҭаны, Рафаель иклассицистикатә стиль «аманера ду» шьаҭас иамоуп ҳәа аликааит. Дворжак ари иуникалтәу астиль аҷыдара хадақәа иреиуоуп ҳәа иазгәеиҭеит «игармониатәу аидеал», иара убас « асахьаркыратә релиативизм»<ref> Дворжак М. История итальянского искусства в эпоху Возрождения. Курс лекций. В 2-х т. — Т. 2. XVI столетие. — М.: Искусство, 1978. — С. 49, 50 </ref>. [[Гращенков, Виктор Николаевич|В. Н. Грашьенков]]гьы ари ахшыҩҵак дадгылон, инаҵшьны иазгәаҭо, асахьаҭыхҩы ирҿиара хықәкыла римтәи апериод аан ауп «Рафаель аклассик иҭыԥ Рафаель аклассицист ианааникылаз» ҳәа<ref> Гращенков В. Н. Рафаэль. — М.: Искусство, 1971. — С. 172 </ref>. Рафаель иаԥҵамҭақәа рҿы, Перуџьинои Брамантеи рныррала, архитектуратә ргыларақәа ҭихуан — ацентртә хыбрақәа, акупол змоу аротондақәа, агьежьбжа змоу ахыбрагьагьақәа. Аҟазаратә стиль ҿыц шьаҭас иамаз «анатура аҭҵаара», ма «ажәытәӡауаа рыҿыԥшра» акәӡамызт,уаанӡа ишазгәарҭоз еиԥш, урҭ рыҩбагьы еицҵаны, аԥсабара иагу ашьахәрақәа абстракттә идеалк аҿаргыланы иаадырԥшуа иалагеит<ref> [[Власов, Виктор Георгиевич|Власов В. Г.]] Римский классицизм // Новый энциклопедический словарь изобразительного искусства. В 10 т. — СПб.: Азбука-Классика. — Т. VIII, 2008. — С. 175 </ref>. М. Дворжак иажәақәа рыла, асахьатә формақәа рестетикатә ҟазшьақәа Рафаель «аҵаки аԥсабара гәык ала азыҟазаареи иреиҳаны » иргылеит. Аестетика ҿыц шьаҭас иаман, акы, bellezza (аԥшӡара), ҩба, maniera grande (аманера ду), уи иаанаго {{Ацитата алагара}}“Аформақәа еиҳа идуны рааԥшра ада, ахәыцшьа ҳаракгьы: иаарԥшу аперсонажқәа иреиҳау абзазашьа ныҟәызго ракәны иҟазар ауп. Убри ауп изыбзоуроу дара рыртәашьа ԥагьагьы, зны-зынла атеатралра зныԥшуа, аха аҩныҵҟатәи ахақәиҭра знубаало, еилыххха иҟоу рнапҟьашьақәа. Аҭагылазаашьақәа атеатралтә ҟазшьа рымоуп, ахаҿсахьа иалоу аҳаҭырқәҵаратә доуҳа инақәыршәаны... аҩныҵҟатәи ахақәиҭреи аҳаҭырқәҵареи рыла иҭәуп... Ари астиль, иҟалап, зегь рыла ажәытәӡатәи атрадициа иахылҵыз акәзар, аха уеизгьы уи зынӡа иеиԥшым акы аанарԥшуан<ref> [[Дворжак, Макс|Дворжак М]]. История итальянского искусства в эпоху Возрождения. Курс лекций. В 2-х т. — Т. 2. XVI столетие. — М.: Искусство, 1978. — С. 49 </ref>{{Ацитата алгара}}. Рафаель иестетикатә кредо инагӡаны, еилыкка иааԥшуеит аграф [[Кастильоне, Бальдассаре|Бальдассар Кастильоне]] иахь ииҩыз еицырдыруа асалам шәҟәаҿы,[[Рим]]тәи [[Вилла Фарнезина]] аҟны аҟаза “[[Триумф Галатеи|Галатеа лтриумф]]” ҳәа изышьҭоу аҭыӡсахьа аус ахьадиулоз инамаданы.(1511ш) Аграф Рафаель иусумҭа гәахәара дула идикылеит, Галатеа лҭыхразы иҟаз амодель дазусҭадаз ҳәа диазҵааит, «аӡгьы» ҳәа ҭакс ианиоу даара иџьеишьеит. Рафаель 1514 шықәсазы Кастильоне аҭак изиҩит: {{Ацитата алагара}}«Галатеиа лтәы ҳҳәозар, сара схы ҟаза дууп ҳәа исыԥхьаӡарын, Шәара Ҳаҭыр зқәу исзышәыҩуа арҽхәаԥхьыӡ дуқәа рыбжак иадамзаргьы аҭыхымҭа ианыԥшуазҭгьы... Иара убасгьы ишәасҳәоит, аԥхәызба ԥшӡа лсахьа ҭысхырц азы, аԥшӡақәа рацәаҩны избар ауп, амала Шәара Ҳаҭыр зқәу уа шәыҟаны, уи лалхраҿы шәсыцхааруазар; Аха аӡбаҩ бзиақәеи аҳәса ԥшӡақәеи ахьмаҷу инамаданы, схаҿы иааиуа аидеиа ауп схы иасырхәо»<ref> Мастера искусства об искусстве. — В 7 т. — М.: Искусство, 1966. — Т. 2. — С. 156—157. Перевод А. И. Аристовой</ref>{{Ацитата алгара}}. Аха, Дворжак ишазгәеиҭаз ала, ас еиԥш иҟоу абстракттә идеалисттә цәырҵра иаарласны акризис ахылҿиааит. Аха XVI-тәи ашәышықәса алагамҭазы ари акризис макьана ирныруамызт. Апапа [[Юлий II|Иули II]] идҵала, насгьы Ватикан архитектор хада [[Донато Браманте]] иҟаиҵаз ажәалагалала, Рафаель адҵа иоуит Ватикантәи ауадақәа рҭыӡқәа асахьақәа рныиҵарц азы. {{Main|Рафаель истанцақәа}} “Рафаель истанцқәа” (италиа бызшәаҟынтә: Le Stanze di Raffaello, италиа Stanzа- ауада: [[Ватикан]] [[Апостольский дворец|Апапа ихан]] ахԥатәи аихагылаҿы иҟоу ԥшь-уадак рыла ишьақәгылоу [[анфилада]]. Анфилада идуқәам х-залк аҵанакуеит, иара убас еиҳа еиҳау еиҭа даҽакгьы, «Константин изал» ҳәа изышьҭоу. Раԥхьа « Астанца делла Сениатура» аҭӡамцқәа ҭыхын,( анапынҵамҭақәа ма аусԥҟақәа руада) Ари ауада иалкаау аҵак ду арҭон. Рафаель ԥшьы-хкыкны иҟоу ауаҩы интеллектуалтә усура аазырԥшуа акомпозициақәа аԥиҵит: адиндырра, аиуриспруденциа, апоезиа, афилософиа- « [[Диспута]]», (1508-1509), « Аҟәыӷара. Ахмырҟьацәареи Амчи»(1511), иара убас зегь иреиӷьӡақәоу «[[Парнас (фреска)|Парнас]]»(1509-1510), « [[Афинская школа|Афинатәи ашкол]]»(1510-1511). Аҭыӡсахьақәа зегьы иреиӷьу, ауадақәа рҿы зегь раасҭа еицырдыруа усумҭоуп ҳәа иԥхьаӡоуп « Афинатәи ашкол», -Аиҭарҿиара аамҭази, [[ренессанс|аренессанстә]] ҟазареи, Рафаель ирҿиамҭақәеи иреиӷьу аԥҵамҭа. Ахьӡ "Афинатәи ашкол" [[Беллори, Джованни Пьетро|Џьованни Пиетро Беллори]] иӡбеит 1672 ш. азы (Le vite de' pittori, scultori et architetti moderni). Аҭыӡсахьа ауада хәыҷы аҭӡамц зегьы ааннакылоит (8 х 10 м). Ашьаҭаҿы афреска аҭбаара: 7,7 м.ыҟоуп Рафаель иусумҭақәа ахаҭәаау «аидеалтә стиль» аҿырԥшы адырԥшуеит, уи иналукааша архитектор, «римнтәи аклассицизм» аԥҵаҩы [[Донато Браманте]] инырра ацхыраарала иҿиеит. Вазари излаиҳәо ала, Браманте иоуп аҭыӡсахьа архитектуратә фон авторс иамоу: ахыргьагьа агьежьбжа, Аполлони Минервеи рбаҟақәа рганқәа. Иџьашьахәу, иҳаракӡоу архитектура афон аҿы иубоит еиуеиԥшым агәыԥқәа рыла Рафаель еидикылаз ажәытәтәи афилософцәа. Афигурақәа апортреҭтә ҟазшьақәа рыҭан, насгьы Аиҭарҿиара аамҭазы инхоз ауаҩы урҭ аперсонажқәа ихааназтәи ауаа рхы-рҿқәа рнибаалон. Убас, [[Платон]] ихаҿсахьаҿы Леонардо да Винчи даарԥшуп, Микеланџьело (аҵыхәтәантәи акомпозициа далагалоуп) инкахәыцуа итәо [[Гераклит]] иакәны даарԥшуп, ациркуль зку [[Евклид]] Браманте исахьа имоуп, арыӷьарахьтәи аганаҿ игылоу [[Птолемей|Птолемеи]] даара Рафаель ихаҭа диеиԥшуп. Аахәаҩи аҟазеи ишырхәыцыз ала, ақьырсиантә [[неоплатонизм]] аидеиақәа инарықәршәаны, ас иҟоу аиԥшзаара ажәытәӡатәи афилософиеи [[теология|атеологиа]] ҿыци реизааигәара асимволра анаҭоит. Урыстәылатәи асахьаҭыхҩы [[Брюллов, Карл Павлович|К.П.Бриуллов]] 1824-1828 шықәсқәа рзы Санкт-Петербургтәи [[Императорская Академия художеств|Аҟазаратә Академиа]] акопиақәа рзал азы, Рафаель иҭыхымҭа «Афинатәи ашкол» акопиа, Италиа ахәшашәыгала ақәатәаҿы иҭихит. Аҭыӡсахьа «[[Диспута]]» (италиан бызшәала: La disputa del sacramento — Иԥшьоу ақьабз иазку аимак) -ақьырсиантә қьабз амаӡақәа ирызку аицәажәара акәӡам, уи ауахәама аҳаракра ауп изызку. Апапа [[Юлий II|Иули II]] иаԥшьигаз аиконографиатә программаҿы аҭыӡсахьа «Диспута» ихадоу акәны иҟоуп. Аҭыӡсахьаҿы иаарԥшу ахҭысқәа мҩаԥысуеит адгьыли ажәҩани рҿы. Ахыргьагьа дуӡӡа, иархитектуратәу ижәҩантәу, ҩ-дунеик еиднакылоит: адгьыли ажәҩани. Амардуанҿаԥса ҭбаақәа аныҳәарҭахь унаргоит. Рафаель икомпозициа «[[Парнас (фреска)|Парнас]]» («Апоезиа»; ахьӡ «Парнас» цәырҵит XIX-тәи ашәышықәсазы) Рафаель, «Диспутеи» «Афинатәи ашколи» рыбжьара ауада мраҭашәаратәи аган аҿы аҭыԥ ылихит. Апоезиа аллегориа аҟаза иаамҭазы иҟаз агуманитартә ҵара ишаҳәоз ала иааирԥшит, [[Франческо Петрарка|Ф.Петрарке]]и, [[Джованни Боккаччо|Г.Боккаччо]]и, [[Салютати, Колюччо|К.Салутати]]и ридеиақәа инарықәршәаны. «Парнас» аҟны [[Аполлон]] жәаҩык [[Музы|амузақәа]] дрыцны даарԥшуп, еицырдыруа жәааҩык ажәытәӡатәи абырзентә, римтәи, италиатәи апоетцәа дрыгәҭылакны. Абырзен, алаҭын, италиатәи аперсонажқәа реилаӡҩара апоезиа иарҭоз аренессанстә ҵакы иалкаау атеологиа ицәырнаго агәацԥыҳәара иақәшәоит<ref> [[Власов, Виктор Георгиевич|Власов В. Г.]]. «Парнас» // Власов В. Г. Новый энциклопедический словарь изобразительного искусства. В 10 т. — СПб.: Азбука-Классика. — Т. VII, 2007. — С. 181 </ref>. Вазари ари акомпозициа иазкны инарҭбааны иҩуеит, аха хыхь-хыхьла: «Убас, Бельведер иаҿаԥшуа аҭӡамц аҿы Парнаси Геликонтәи аӡыхьи ахьыҟоу, ашьха ақәцәани анаарақәеи рҿы адаԥа ҵлақәа рбаҳча ҭихит, урҭ рыбӷьы иаҵәақәа аԥша ҟәымшәышә ишарҵысуа уныруеит,аҳауаҿы - ҵыхәаԥҵәара змам хыԥхьаӡара рацәала зцәа-зжьы хту акупидонқәа, рхы-рҿы ԥшӡақәа аартны, адаԥа амахәҭақәа хырҵәоит, авенокқәа ҟарҵоит, урҭ ахәада зегьы аҟны ирыԥсаҟьоит, ара иҟоу зегьы ииашаҵәҟьаны анцәа иԥсы рхоуп - афигурақәа рыԥшӡарагьы, аҿыханҵа ахазынарагьы. Урҭ ирыхәаԥшуа иџьеимшьар залшом, ауаҩытәыҩсатә гени, ашәыгақәа шыхазынамгьы, асахьа ашьахәра иабзоураны аҭыхымҭа аԥсы ахоушәа аҟаҵара злаилшаз<ref name="Вазари"/>. Аԥхын, 1511ш шықәсазы апапцәа раудиенциазы Рафаель напы аиркит Станца д-Елиодоро аҭыӡсахьақәа рескизқәа (аҭыӡсахьақәа руак ахьӡ ахҵан) Аҭыӡсахьақәа рпрограммаҿы иаарԥшуп, ауахәама аҭоурых иалкаау амоментқәа рзы Анцәа иаиҭоу ахьчара аидеиа, хықәкылатәи асиужетқәа адгьыл аҿы имҩаԥысуа ахҭысқәа Анцәа имч џьашьахә аҽшаланагалоу иазкуп. Ԥшь-композициак иаадыԥшуеит: «Илиодор аныхабаа аҟынтә иқәцара» (1511ш–1512), «Болсенатәи амесса» (1512), «Аԥшьа Пиотр аҳаԥсы аҟынтә ихы иақәиҭтәра » (1513–1514), «Лев Дуи Аттилеи реиԥылара» (1514). Акомпозициа “[[Изгнание Илиодора|Илиодор аныхабаа аҟынтәи иқәцара]]” (италиан бызшәала: Cacciata di Eliodoro dal Tempio) аҭыӡсахьа “Афинатәи ашкол” угәаланаршәоит, аха Рафаель индивидуалтә стиль аеволиуциа аазырԥшуа аекспрессиеи адинамикеи рыла иалкаауп. «[[Месса в Больсене|Больсенатәи амесса]]» (италиан бызшәала: Messa di Bolsena),ақьырсиантә традициа инақәыршәаны, 1263 шықәсазы Рим аҩадахьы иҟоу ақалақь хәыҷы Больсена имҩаԥысыз ахҭыс џьашьахәы ауп. Амесса мҩаԥызгоз апап қәыԥш Евхаристи иԥшьоу амаӡа агәра игомызт — ачеи аҩи Қьырса ицәеижьи ишьеи реиԥш ишыԥшьоу агәыҩбара изцәырнагон. Аныҳәа аан агостиа анышьҭырх [[антиминс]] аҿы хә-ҭыԥк рыҟны ашьа ааит. Абри асиужет иадҳәалоуп аҭыӡсахьа “[[Диспута]]” Станца делла Сениатура аҟны. Акомпозициа «Больсенатәи амесса» аҿы Рафаель Апапа Иули II аныҳәарҭаҿы «Больсенатәи аџьашьахәы» шаҳаҭс дшаиоуз ааирԥшуеит. Аҭыӡсахьа «[[Освобождение Святого Петра из темницы (фреска Рафаэля)|Аԥшьа Пиотр аҳаԥсы аҟынтәи ихы иақәиҭтәра]]» (италиан бызшәала: La Liberazione di San Pietro dal Carcere) (1513-1514) ҟазара дула иҭыхуп. Аиудеиаа раҳ Ирод Агриппа идҵала Апостол Пиотр аҳаԥсы дҭакын. Аусӡбара ҟалараны ианыҟаз ауха, Анцәа илашара дагәҭылакны Амаалықь даацәырҵит, Пиотр дирҿыхеит, ишьамҭлаҳәқәа ихыхны, ицәаз асолдаҭцәа дрывганы аҳаԥсы дҭигеит. Ари акомпозициаҿы Рафаель усҟантәи ашықәсқәа рзы даара имаҷны рхы иадырхәоз аметод ихы иарихәеит: еишьҭаргыланы еидҳәалоу х-епизодк еидикылеит. Агәҭаны амаалықь ицәоу Анцәа ицҳаражәҳәаҩ инапы ихьысуеит. Арымарахь ала, ахьчаҩцәа ирбаз иԥсабаратәым алашара иаршәаҟьан иҩны ицоит. Акомпозициа арӷьарахьтәи аган аҟны амаалықь — Аиҭарҿиара аамҭазтәи аҟазараҿы зегь раасҭа иԥшӡоу афигәрақәа руаӡәк — Пиотр аҳаԥсы дҭигоит. Акомпозициа “[[Пожар в Борго|Борго иҟалаз абылра]] ” (италиан бызшәала: Incendio di Borgo) (1514) аҟны, ари ауадаҿы иаԥҵоу аҭыӡсахьақәа рҟынтәи “Борго абылра астанца” аҿы Рафаель инапы еиҳа иуныруеит, аха Микеланџьело ду иҟынтәи иаагоу амотивқәагьы убоит. Алегенда изларҳәо ала, 847-тәи ашықәсазы Борго (Римтәи апапа ихан иазааигәоу аҭыԥ) абылра ҟалеит, уи еиҳа-еиҳа аҽарӷәӷәон Папа Леон IV Ватикантәи ихан абарҵаҿы дцәырҵны амца ааникылаанӡа. Ари акомпозициаҿы иубарҭоуп ихазынан иҭыху афигәрақәа рацәаны. Арӷьарахь, зныкымкәа асахьаҭыхҩцәа аӡәырҩы иҭырххьаз, аӡы зҭоу аԥҳал зку аԥҳәыс лфигура, агәҭаны - аԥҳәыс лнапқәа шьҭыхны, иара убас аҭӡы ахалара зҽазызшәо арԥыс. Армарахь ала Енеи, амца зку аҩны аҟынтә иаб абырг Анхис иҟәаҟәа дықәҵаны далигоит. Ари ахаҿсахьақәа ргәыԥ иунарбоит асиужет Вергили ипоема "Енеида" аҟынтә ишааагоу, Троиа иҟалаз абылра атәы ахьааирԥшуа. Акыраамҭа иныҟәарақәа рышьҭахь Енеи Италиа иҳәынҭқарра шьақәиргылеит. Убри аҟнытә иара Рим ашьаҭаркҩцәа дыруаӡәкны дыԥхьаӡоуп. “Борго абылра астанца ” — аҵыхәтәантәи уадоуп, Рафаель иҭыӡсахьақәа ахьубарҭоу. Анаҩс аҭыӡсахьақәа рыҟаҵара ицхырааҩцәа ирыдҵан: Џьулио Романо, Џьован Франческо Пенни, Џьованни да Удине уҳәа убас иҵегьы. Уи аамҭазы Рафаель апапа акрызҵазкуа егьырҭ идҵақәа инапы рылакын: Сикстинтәи акапелла аҭӡамцхҟьақәа рзы акартонқәа рыҟаҵара, насгьы Аԥшьа Пиотр ибазилика аргылара хылаԥшра аиҭон, уи аҭыԥ 1514 шықәсазы Браманте иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь иоуит. Аԥшьбатәи ауада- « Константин изал»-Рафаель иҵаҩцәа роуп аҭыӡсахьақәа анызҵаз. [[Файл:Pope Julius II.jpg|thumb|left|Апапа Иули II ипортреҭ. 1511ш. Амҿы, ахәшашәыга. Амилаҭтә галереиа, Лондон]] '''Аҭӡамцхҟьақәа рсериа " Иԥшьоу ацҳаражәҳәаҩцәа русқәа"" 1514 шықәса анҵәамҭазы, Апапа [[Лев X|Леон X]], ихьӡ Ватикантәи [[Сикстинская капелла|Сикстинтәи акапелла]] иадиҳәаларц иӡбеит,уи азы аҭӡамцхҟьақәа рзы акартонқәа<ref> Так называли в Италии тканые ковры по главному центру производства шпалер в XV веке во французском городе Аррас </ref> азаказ ҟаиҵеит [[Деяния святых апостолов|Иԥшьоу ацҳаражәҳәаҩцәа русқәа]] » рышәҟәы асиужетқәа рыла, акапелла арԥшӡаразы. Жәа ҭӡамцхҟьак рыла ( ганцыԥхьаӡа хәба-хәба) акапелла аганахьтәи аҭыӡқәа ҵаҟатәи рыхәҭа ырԥшӡатәын. Урҭ рсиужетқәа Аевангелиеи иԥшьоу ацҳаражәҳәаҩцәа рышәҟәи рҟынтәи иааган, Аԥшьацәа Пиотри Павели рҭоурых аҟынтәи, иара убас апрограмма инақәыршәаны Қьырсеи Моисеи рҭоурыхқәа еиҭазҳәоз, флоренциатәии умбриатәии асахьаҭыхҩцәа 1481-1483 шш.рзы Сикстинтәи акапеллаҿы иҭырхыз аҭыӡсахьақәа иреиԥшын. Апапа игәҭакы инақәыршәаны, аҭӡамцхҟьақәа еидыркылар акәын Ацҳаражәҳәацәа рҭоурыхи адунеи аԥҵара инаркны Анцәа ауаа ирзынижьыз раԥхьатәи ауасиаҭ аҟынӡа (Моисеи изакәан аҩыраӷәы) аҭоурыхи, иара убас [[Микеланџьело|Микеланџьело]] акапелла аплафон аҿы иҭихыз (1508-1512), Иаса Қьырса ацҳаражәҳәаҩ Пиотр « ацаԥхақәа иҭара», насгьы апапцәа рҭоурыхи еиднакылар акәын. Аныҳәатә хҭысқәа анымҩаԥысуаз акапеллаҿы аҭӡамцӡхҟьақәа кнарҳауан. Уажәы урҭ хазы азалаҿы ицәыргақәҵоуп Рафаель еиҳа ихьшәаны иаԥиҵаз асахьақәа инарыцны: [[Мадонна ди Фолиньо]] (1511-1512), «Мариа агәыргьын лхаҵара» (1502-1504) иара убас «Аҽеиҭакра» (1519-1520) [[Ватиканская пинакотека|Ватикантәи Пинакотека]]ҿы, (еиҭныԥсахло, еснагь жәаҩык рҟынтә бжьба). Акапелла ахаҭа аҿы, урҭ рҭыԥан, аҭыӡсахьа атехника ахархәарала «аԥардақәа» иреиԥшны иҭыхуп. Ари асериа иаҵанакуеит абарҭ асиужетқәа: «Листра имҩаԥгаз аԥсаҭара» (Sacrificio di Listra), «Ацыркь ихәшәтәра» (Guarigione dello storpio), «Саул идинхаҵара аиҭакра» (Conversione di Saulo), «Елима лылашәхара» (Punizione di Elima), «Ацаԥхақәа рыҭара», « Иԥшьоу Стефан ахаҳәқәа игәыдҵара» (Lapidazione di santo Stefano), «Павел Афины иҟаиҵаз абжьагажәа» (Predica di san Paolo), «Иԥшьоу Павел аҳаԥсаҿы» (San Paolo in carcere), «Ананиа иԥсра» (Morte di Anania), «Иџьашьахәу аԥсыӡкра» (Pesca miracolosa). Ари аус аҿы аҟаза ицхраауан иҵаҩцәа [[Романо, Джулио|Џьулио Романо]]и [[Пенни, Джанфранческо|Џьованни Франческо Пенни]]и, аха асахьаҭыхымҭақәа зегьы Рафаель ихаҭа иаԥиҵеит<ref> Pierluigi De Vecchi. Raffaello. — Milano: Rizzoli, 1975. — Р. 113 </ref>. Аҭӡамцхҟьақәа ҟаҵан 1517-1519 шықәсқәа рзы [[Брюссель|Бриуссель]] ақалақь аҟны, [[Кук ван Альст, Питер|Питер Кук ван Альст]] имануфактураҿы аҿы [[Орлей, Бернарт|Бернарт ван Орлеи]] далархәны. Раԥхьаӡа 5 м аҩаӡара змаз 7 уарҳалк ҟарҵеит, урҭ роура еизакны 42 м ыҟан<ref> Большая иллюстрированная энциклопедия древностей. — Прага: Артия, 1980. — С. 62 </ref>. Аҭӡамцхҟьақәа рзы абордиурқәа ҟаҵан фламандиатәи [[барокко|абарокко]] астиль ала, [[Ван Дейк, Антонис|Антонис Ван Деик]] иҭыхымҭақәа инарықәыршәаны. Асра знапы алакыз аҳ Иаков I иааиԥхьахьаз афламаниадтәи аҟазацәагьы ракәын<ref> [[Власов, Виктор Георгиевич|Власов В. Г.]]. «Деяния апостолов» // Власов В. Г. Новый энциклопедический словарь изобразительного искусства. В 10 т. — СПб.: Азбука-Классика. — Т. III, 2005. — С. 419 </ref>. Аҭӡамцхҟьақәа ирну афигурақәа рҿы иубарҭоуп Микеланџьело «истиль ҳарак» анырра, иара убас, [[Станцы Рафаэля|Ватикантәи астанца]]ҿы Рафаель иҟаиҵаз «Борго иҟалаз абылра» ҳәа изышьҭоу аҭыӡсахьаҿгьы. Асериа ақәҿиара ду аиуит, иара акырынтә еиҭаҭырхит, Франциа [[Мануфактура Гобеленов|Гобеленаа]]и [[Мануфактура Бове|Бове]]и рмануфактурақәа рҿгьы. Акардинал Ерколе Гонзага 1548 шықәсазы Бриуссельтәи асыҩцәа ари асериа иақәҭырхырц дҵаны ириҭеит. 1563 шықәсазы, иара даныԥсы ашьҭахь, аҭӡамцхҟьақәа Мантуатәи агерцог [[Гульельмо I Гонзага|Гулельмо I Гонзага]] изынижьит. Уажәы урҭ Венециа адожқәа раҳҭынра аҟны «Агобеленқәа руадаҿы» иҟоуп<ref> Pierluigi De Vecchi. La Cappella Sistina. — Milano: Rizzoli, 1999. ISBN 88-17-25003-1 </ref>. Аҭӡамцхҟьақәа рзы акартонқәа 1623ш азы иааихәеит шьҭралатәи апринц, Англиа иаҳхараны иҟаз Чарльз I. Аҳ данԥсы ашьҭахь, аҳҭынратә мазара аҭираҿы, акартонқәа Кромвел иаахәеит, урҭ Уаитхолл абанкеттә зал аҿы акәалаԥқәа ирҭаҵәахын. Амонархиа аиҭашьақәыргылара ашьҭахь, аҳ иҭаацәара раҳратәрахьы ихынҳәит. Аграфство Сиурреи иҟаз Мортлеик амануфактураҿы еиуеиԥшым асериа ҿыцқәа раԥҵаразы акартонқәа рхы иадырхәеит. Анаҩс урҭ [[Хэмптон-Корт|Ҳемптон-Корт]] аҳҭынраҿы иҟаз иҷыдоу агалереиа иҩанрҵеит, уаҟа урҭ 1813 шықәсанӡа иҟан. Анаҩс дара [[Букингемский дворец|Букингемтәи аҳҭынра]]ҿы иҵәахын. 1865 ш инаркны еиқәхаз акартонқәа быжьба [[Лондон]], [[Музей Виктории и Альберта|Викториеи Альберти рыхьӡ зху амузеи]] ахь ииаргеит. "Рафаель илоџьиа" [[Файл:President Trump's Trip Abroad (34079021263).jpg|thumb|220px|left|Ватикан иҟоу Ацҳаражәҳәаҩцәа рхан аҿы "Рафаель илоџьиақәа". 1508-1519 шықәсазы. Архитектор Д. Браманте ипроект. Рафаель Санти иҵаҩцәа рсахьақәа]] 1508 шықәсазы Апапа Иули II архитектор Донато Браманте дҵас ииҭеит [[Апостольский дворец|Апапа ихан]] хыхьтәи аихагылаҿы [[Лоджия|алоџьиа]] еиԥшу агалереиа иргыларц, уантәи Наӡаӡатәи ақалақь уахәаԥшлартә еиԥш. Архитектор аусура далагеит, аха 1514 шықәсазы дыԥсит, аргыларақәа ирыциҵеит Рафаель Санти. «Рафаель илоџьақәа» аамҭа анца дара ус рыхьӡырҵеит, архитектура аҭоурых аҿы XVI-тәи ашәышықәса алагамҭазы иҟаз «римтәи аклассицизм» аҟазара аканонтә ҿырԥштәны иҟалеит. Еиԥшыз жәаха секциа еиҟараны иахьеизшаз, ахаргьагьақәа, апилисатрқәа иаку аритм змоу, еиҿкаау ракәны иааԥшуеит. Аҭӡамцқәа, ахыгьагьақәа, апиластрқәа1517-1519 шш.рзы рсахьа ҭырхуан Рафаель иҵаҩцәа: [[Перино дель Вага]], [[Джулио Романо|Џьулио Романо]], [[Джованни да Удине|Џьованни да Удине]], [[Пенни, Джанфранческо|Франческо Пенни]], [[Рафаэллино дель Колле|Рафаеллино дель Колле]]. Ахагьагьақәа рыҟәшақәа зегьы рҿы Рафаель Ауасиаҭ Ҿыц атемала асиужеттә композициақәа ԥшьба ҭихит. Егьырҭ (ҩажәи жәаа Ажәытәтәи Ауасиаҭ атемала) иаанхаз аҭыԥ [[Гротеск (орнамент)|агротесктә]] [[орнамент|рԥшӡагақәа]] рыла иҵаҩцәа ихадырҭәааит. 1783 ш инаркны 1792 шықәсанӡа [[Санкт-Петербург]] аимператрица [[Екатерина II|Екатерина аҩбатәи]] лзаказала, [[Большой Эрмитаж|Аермитаж Ду]] ахыбраҿы архитектор [[Кваренги, Джакомо|Џьакомо Кваренги]] Рафаель [[Фреска|иҭыӡсахьақәа]] ркопиақәа рыла агалереи аԥиҵеит, Ватикантәи апапа иаҳҭынра ахыбрагьы аазырԥшуа. Уаанӡа гәыԥҩык асахьаҭыхҩцәа (. [[Хаккерт, Якоб Филипп|И. Ф. Хаккерт]], Д. В. Анджелони, [[Петер, Уильям|У. Петер]] уҳәа) 1778 шықәсазы Рим Рафаельи иҵаҩцәеи рҭыӡсахьақәа ркопиа аҟаҵара иалагеит. Аусурақәа напхгара рырҭон [[Унтербергер, Христофор|Х. Унтербергер]]ти [[Раффенштайн, Иоганн Фридрих|И. Ф. Раффенштайн]]и. Акопиақәа ақәатәақәа рҿы иҟаҵан, анаҩс урҭ еикәарҳәны Санкт-Петербургҟа иааргеит. [[Новый Эрмитаж|Аермитаж Ҿыц]] ахыбра андыргылоз, алоџьиақәа 1778-1787 шш рзы еиқәырханы иҟан, урҭ мраҭашәаратәи агалереиа аҩбатәи аихагылаҿы иҟан. 1515 шықәсазы [[Северное Возрождение|Аҩадатәи Аиҭарҿиара]] аамҭазы иналукааша аҟаза [[Дюрер, Альбрехт|Альбрехт Диурер]] Римҟа дааит. Уи Ватикантәи астанцақәа гәеиҭон. Рафаель исахьаҭыхымҭа ииҭеит, уи аҭакс анемец сахьаҭыхҩы Рафаель изааишьҭит ихатәы портреҭ, амала иара анаҩстәи аԥеиԥш еилкаам. === Римтәи аамҭазы иҟаз аныҳәарҭақәеи «Мадоннақәеи» === [[Файл:Transfiguration Raphael.jpg|мини|[[Преображение (Рафаэль)|Аҽеиҭакра]]. 1516-1520 шықәсазы. Амҿы, атемпера. Пинакотека, Ватикан]] Ватикан аусутә рацәаны ишимазгьы, Рафаель аныҳәарҭақәа рсахьақәа рҭыхразы ауахәамақәа рҟынтә азаказқәа наигӡон,: «Аԥшьа Цецилиа» (1514-1515), «Аџьар аныҟәгара» (1516-1517), «[[Иезекииль (пророк)|Иезекииль]] илаԥшҵашәара» (1518 шықәса инарзынаԥшуа). Рафаель жәа сахьак инарзынаԥшуа «Амадоннақәа» Рим иҭихит. Арҭ аԥҵамҭа ҳаракқәоуп ҳәа иԥхьаӡоуп, ркомпозициа еилыкка иҟоуп: «[[Мадонна Альба]]» (1510), « [[Мадонна с рыбой|Аԥсыӡ зку Мадонна]]»,( 1512-1514), « [[Мадонна в кресле|Акресло иқәтәоу Мадонна]]», ( 1513-1514) инарзынаԥшуа. {{Main|Аҽеиҭакра (Рафаель)}} Аҟаза аҵыхәтәантәи [[шедевр|иусумҭа дуӡӡа]] "[[Преображение (Рафаэль)|Аҽеиҭакра]]" (1516-1520) ауп, уи асахьаҿы аҷыдара ҿыцқәа убарҭоуп. Хыхьтәи ахәҭаҿы Рафаель, [[Аевангелие|Аевангелие]] инақәыршәаны, Фавор ашьхаҿы ацҳаражәҳәаҩцәа [[Апостол Пётр|Пиотр]]и, [[Иаков Зеведеев|Иаков]]и, [[Иоанн Богослов|Иоанн]]и рҿаԥхьа Қьырса иҽеиҭакра џьашьахәы ааирԥшуеит. Ацҳаражәҳәаҩцәеи аџьныши ахьаарԥшу асахьа ҵаҟатәи ахәҭа,Рафаель иескизқәа рыла Џьулио Романо иҭихит. Мшаԥымза 6, 1520 шықәсазы Рафаель иԥсҭазаара даналҵ, мышқәак, [[Борго (район)|Борго]] иҩны аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагара рҽаназыҟарҵоз, ихыркәшамыз асахьаҭыхымҭа «Аҽеиҭакра» аԥсы ихаҿы игылан<ref>{{Cite web |url=http://www.nerone.cc/nerone/archivio/arch89.htm |title=Nerone Tours of Italy {{!}} Tours of Rome Florence Venice Naples Pompeii<!-- Заголовок добавлен ботом --> |access-date=2016-10-14 |archive-url=https://web.archive.org/web/20101126154319/http://nerone.cc/nerone/archivio/arch89.htm |archive-date=2010-11-26 |url-status=dead }}</ref>. Рафаель данԥсы ашьҭахь мчыбжьык анҵы, Ватикан асахьаҭыхымҭа « Лазарь Иԥсаҭалара» азааигәара «Аҽеиҭакра» кнарҳаит. [[Файл:RAFAEL - Madonna Sixtina (Gemäldegalerie Alter Meister, Dresde, 1513-14. Óleo sobre lienzo, 265 x 196 cm).jpg|мини|слева|Сикстинтәи Мадонна. 1512-1513 шықәсазы. Ақәатәа, ахәшашәыга.. Ажәытәтәи аҟазацәа ргалереиа, Дрезден]] {{Main| Сикстинтәи Мадонна}} Рафаель иаԥҵамҭақәа зегь раасҭа иссиру ауп еицырдыруа "[[Сикстинская мадонна|Сикстинтәи Мадонна]]" (1512-1513), уи [[Дрезден]]тәи [[Галерея старых мастеров|Ажәытәтәи аҟазацәа ргалереиа]]ҿы 1754ш. инаркны иҟоуп. Шәагаала идуӡӡоу асахьаҭыхымҭа Рафаель иаԥиҵеит [[Пьяченца|Пиаченце]] иҟоу, [[Сикст II|иԥшьоу Сикст аҩбатәи]] иуахәама аныҳәарҭазы. Азаказ ҟазҵаз делла Ровере аҭаацәара ирылиааз, [[Папство|апапа]] [[Юлий II|Иули аҩбатәи]] иоуп. ( Иԥшьоу Сикст делла Ровере рҭаацәара дырхылаԥшуан ҳәа ԥхьаӡан) Асахьа акомпозициа иаанарԥшуеит аҟаза хаҭалатәи ихәыцшьа аеволиуциа. «Заатәи Мадоннақәа» рҿы Рафаель Умбриатәи апеизаж афон аҟны аӡӷабцәа ԥшӡақәа рсахьа ҭихуан. Асахьа [[Мадонна Грандука]] аҿы, иара апеизажтә фон инеитралтәу еиқәаҵәоу, зынӡа еиқәаҵәоу уҳәаргьы ауеит ала иԥсахит,аӡҟы дыкны иналымариашаны игылоу Мариа, Рафаель хагәҵәылатәи аформат дҭаикит. Анаҩс Рафаель абжьаратәи ашәышықәсақәа рзы иҟаз аиератикатә композициақәа рахь дхынҳәызшәа ҟаиҵеит, ахәҭакахьала, [[Одигитрия|Одигитриа]] византиатәи ахкы ахь<ref> [[Власов, Виктор Георгиевич|Власов В. Г.]] Сикстинская Мадонна // Новый энциклопедический словарь изобразительного искусства. В 10 т. — СПб.: Азбука-Классика. — Т. VIII, 2008. — С. 759—760 </ref>. Асахьа акомпозициа традициала [[Святое Собеседование|Иԥшьоу Аицәажәарақәа]] [[Иконография|рныхаҩыра]] иадырҳәалоит, избан акәзар аӡҟы дызку Мадонна илымҵахырхәо аԥшьацәа дрыгәҭылакны даарԥшуп. Уи еиԥшу акомпозициа змоу Рафаель егьи исахьагьы, “Мадонна ди Фолинио” (1511-1512), официалла “Sacra Conversazione” ҳәа иашьҭоуп, насгьы уи “Сикстинтәи Мадонна” шьаҭас иаиуит ҳәа иԥхьаӡоуп, уигьы “аицәажәарақәа” ртрадициа иаҵанакуеит<ref> Pierluigi De Vecchi. Raffaello. — Milano: Rizzoli Editore, 1975. — Р. 108—109 (№ 97, 105) </ref>. XVIII-тәи ашәышықәсазы, алегенда рылаҵәеит (аҭоурыхтә документқәа рыла ишьақәырӷәӷәам) Мадонна лзы модельс дҟалеит Рафаель бзиа иибоз, жәибжь шықәса зхыҵуаз ачаӡҩы иԥҳа Маргарита Лути ҳәа. Рафаель уи [[Форнарина]] лыхьӡиҵеит (италиантәи fornaro - ачаӡҩы). [[Сикст II|Аԥшьа Сикст]] ипрототип иакәын Апапа Иули ([[Сикст IV]] иашьа иԥа), [[Варвара Илиопольская|Аԥшьа Варвара]] лзы- иаҳәшьаԥҳа [[Орсини, Джулия|Џьулиа Орсини]]. Апапа дышиеԥшыз [[Кавальказелле, Джованни Баттиста|Џь.Б.Кавальказелле]]и егьырҭ аӡәырҩи иазгәарҭеит, насгьы иԥшьоу Варвара лпрототип азы Лукрециа делла Ровере лыхьӡгьы рҳәон, апонтифик иаҳәшьаԥҳа<ref> Putscher M. Raphaels Sixtinische Madonna. Das Werk und seine Wirkung. — Tübingen: Hopfer Verlag, 1955. — Р. 38 </ref>. Асахьаҭыхымҭа Мраҭашәаратәи аҟазара иреиҳау [[шедевр|ашедеврқәа]] иреиуоуп ҳәа зегьы еицҿакны иазгәарҭоит, зегь раԥхьаӡа иргыланы [[Композиция (изобразительное искусство)|акомпозициа]] ауадаҩразы, абырзен-римтәи, аԥшӡара [[идеал|аидеал]]и ақьырсиантә цәаныррақәеи рконтаминациа агармониазы. Асахьа изызҭыхыз аҭыԥ ԥшьа (Пиаченца иҟоу Сан-Систо аберҭыԥ) иаҟәыганы, уи асахьақәа ргелереиахь аиагара XVIII-тәи ашәышықәса аинтеллектуалцәа рыбжьара ахәыцра ҵаулақәа цәырнагеит<ref> Gazzola Е. La Madonna Sistina di Raffaello. Storia e destino di un Quadro. — Macerata: Quodlibet, 2013. — ISBN 9788874625246 </ref>. === Апортреҭқәа === [[Файл:Baldassare_Castiglione,_by_Raffaello_Sanzio,_from_C2RMF_retouched.jpg|мини|[[Портрет Бальдассаре Кастильоне|Балдассаре Кастильоне ипортреҭ]]. 1514-1515 шықәсазы. Ахәшашәыга, ақәатәа. Лувр, Париж]] Ауахәамақәа рыдҵала хыԥхьаӡара рацәала иҭихуаз аусумҭақәа рыдагьы, Рафаель апортреҭтә жанр алагьы ирацәаны аус иуан. 1512 шықәсазы иҭихит «Апапа Иули II ипортреҭ». Џь. Вазари иазгәеиҭон: «Иара убри аамҭазы, даара дшеицыдыруазгьы, аҟаза ахәшашәыгала апапа Иули ипортреҭ ҭихит. Асахьа апапа даара иеиԥшын, аԥсы ҭазшәа иҟан. Уи збоз зегьы, апапа иԥсы ҭаны раԥхьа дгылошәа, ргәы хыҭ-хыҭуа иалагон<ref name="Вазари"/>. Апапа икуриа адҵала иҭыхын «Акардинал Алессандро Фарнезе ипортреҭ» (1512 шықәса инарзынаԥшуа), «[[Портрет Льва X с кардиналами Джулио Медичи и Луиджи Росси|Лев Х ипортреҭ, акардиналцәа Џьулио Медичии, Луиџьи России иваргыланы]]» (1517-1518 шықәса инарзынаԥшуа). Абарҭ аусумҭақәа рҟынтәи иалкаауп [[портрет Бальдассаре Кастильоне|Балдассаре Кастильоне]] (1514-1515) ипортреҭ. Акыр шықәса рышьҭахь, ари апортреҭ акопиа [[Рубенс]] иҭихуеит. [[Рембрандт]] раԥхьа уи асахьа ҭихуеит, анаҩс, асахьа анырра инаҭаз иабзоураны, иара ихатәы “[[Автопортрет Рембрандта (1640)|Автопортреҭ]]” ҟаиҵоит. Астанцақәа рҿы аус анимуаз аамҭазы, Рафаель «[[Портрет Биндо Альтовити|Биндо Альтовити ипортреҭ]]» ҭихит (1515 шықәса инарзынаԥшуа). Аҵыхәтәаны Рафаель ихы ҭихит «Ахатәыпортреҭи сҩызеи» (1518-1520) аҟны, аха асахьаҿы Рафаель инапы зыжәҩа иқәиҵаз дарбан ҩызоу иахьагьы еилкааӡам; аҵарауаа зыгәрагара уадаҩу аверсиақәа рацәаны иаадырԥшуеит. === Авилла Фарнезина === {{Main|Авилла Фарнезина}} {{Main|Галатеиа лтриумф}} [[Файл:Raffael 012.jpg|мини|слева| Галатеиа лтриумф. 1511ш. "Галатеиа ллоџьиа". Вилла Фарнезина, Рим]] Абанкир, аҟазара ахылаԥшҩы [[Киджи, Агостино|Агостино Киџьи]] [[Тибр]] аԥшаҳәаҿы авилла иргылеит, уахь Рафаели иҵаҩцәеи ааԥхьара риҭеит ажәытә мифологиа асиужетқәа рыла аҭыӡсахьақәа ҭырхырц азы. Абасала, 1511 шықәсазы «[[Триумф Галатеи|Галатеиа лтриумф]]» захьӡу аҭыӡсахьа цәырҵит. Уаанӡа авилла ианыз асахьақәа Рафаель ихаҭа иусумҭақәаны иԥхьаӡан: «Рафаель абри аҭыӡсахьаҿы аԥаимбарцәеи асивиллақәеи рсахьа ҭихит. Уи иара иаԥҵамҭақәа иреӷьу ҳәа иԥхьаӡоуп, иреиӷьқәоу иреиӷьу. Ииашаҵәҟьаны, уа иану аҳәсеи ахәыҷқәеи рыԥсы ҭазшәа иҟоуп, насгьы ихырку аколорит ала иалукаауеит. Ари аусумҭа иара иԥсы анҭазгьы ахьӡ-аԥша ду изаанагахьан, иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахьгьы иара убас<ref name="Вазари"/>. Аамҭа анца, еилкаахеит, ирацәаӡаны азаказқәа ахьимаз азы, зегь раԥхьаӡа иргыланы, [[Собор Святого Петра|Аԥшьа Пиотр иныхабаа]] аргылара иадҳәалаз аусқәа, Ватикан [[Станцы Рафаэля|астанцақәа]] рҭыӡсахьақәа рҭыхра, уҳәа Рафаель ицхырааҩцәа аҭыӡсахьақәа аус рыдулара рыдиҵо далагеит.Убри аан, азыҟаҵаратә ҭыхымҭақәа рыбжеиҳарак иара Рафаель ихахьы игон, аҭыӡсахьақәа егьырҭ иҟарҵон. Авилла Фарнезина аҿы аус руан иҵаҩцәа: [[Романо, Джулио|Џьулио Романо]], [[Себастьяно дель Пьомбо|Себастьиано дель Пиомбо]], [[Пенни, Джанфранческо|Франческо Пенни]], [[Содома]]. XX-тәи ашәышықәса агәҭаны имҩаԥгаз аҭыӡсахьақәа рреставрациа ашьҭахь еилкаахеит « Галатеиа лтриумф» аҭыӡсахьа еиҳа ихадоу ахәҭақәа иара Рафаель ихаҭа ишҭихыз, егьырҭ- Џьулио Романо<ref> Pierluigi De Vecchi. Raffaello. — Р. 105 </ref><ref> Bajard S., Bencini R. Roms. Paläste und Garten. Paris: Terrail, 1997. S. 15-22 </ref>. «Александр Македонскии Роксанеи рчара» акомпозициа авилла аҩбатәи аихагылаҿы [[Содома]] иаԥиҵеит, ахқәа иалкаау рыхәҭақәак-Рафаель ихаҭа иҭихит. === Архитектура === Рафаель архитектор иаҳасабала иусура иалкаау аҵакы амоуп, уи Браманте римантәи иклассицизми уи иашьҭанеиуаз азеиԥшевропатәи архитектура [[классицизм|аклассицизм]]и аанарԥшуеит, ахәҭакахьала [[Палладианство|Палладиантәи]] ацәырҵра аныԥшуеит. Браманте 1514 шықәсазы идунеи аниԥсах, Рафаель усҟан зыргылара иаҿыз [[Собор Святого Петра|Аԥшьа Пиотр иныхабаа]] архитектор хадас дҟалеит. 1513 шықәсазы Иули II иҭыԥан иҟалаз апапагьы, [[Лев X|Леон X]] - Рафаель иҟазара ҳаҭыр ду ақәиҵон. 1513 шықәсазы иара Рафаель ажәытәӡатәи Рим иаҵанакуа аамҭа актәи археологс дҟаиҵеит. Апонтифик Ду идҵала Рафаель археологиатә ԥшаарақәа дырхылаԥшуан, Ватикантәи аколлекциақәа реидкыларақәа, рышьақәгылара хылаԥшра азиуан, насгьы Наӡаӡатәи ақалақь археологиатә сахьа (аплан) еиқәиршәеит. 1515 шықәса инаркны Рафаель Ватикан «ажәытә ҭынхақәа рзы акомиссар» иҭыԥ ааникылон<ref> Бартенев И. А. Рафаэль и архитектура // Рафаэль и его время: Сборник статей. — М.: Наука, 1986. — С. 80 </ref>. Рим Рафаель ипроект ала иргылан аџьартә- ҟәырӷ змоу аухәама [[Сант-Элиджо-дельи-Орефичи|Сант- Елиџьо- дели- Орефичи]]( аиувелирцәа рцех иԥшьоу аелегиа), иара убас даара зычаԥашьа бзиоу ауахәама [[Санта-Мария-дель-Пополо|Санта- Мариа- дель- Пополо]] акпелла Киџьи(1512-1520). Иара убас Рафаель апроект ҟаиҵеит [[Палаццо Видони-Каффарелли|Палаццо Видони- Каффарелли]] аԥхьатәи ахәҭа(1515), Бранконио дель Аквила(1520 ахыбра еиқәымхаӡеит), иара убасгьы Флоренциа иҟоу [[Палаццо Пандольфини]], уа аусурақәа хирқәшеит Франческо да Сангалло(1516-1520). 1515 азы, Рим аҩада-мраҭашәаратәи аган ахәҭаҿы, Рафаель ипроект ала акардинал Џьулио Медичи (аԥхьаҟа Апапа Климент VII) изы авилла аргылара иалагеит (аргылара хиркәшеит [[Сангалло, Антонио да (младший)|Антонио да Сангалло Аиҵбы]]). Ахыбра «[[Вилла Мадама]]» ҳәа ахьӡырҵеит (уи анаҩс аԥшәымас иаиоуз [[Маргарита Пармская|Маргарита Пармтәи]], ( Маргарита Австиратәи ҳәагьы илышьҭан, ма « [[Мадам]] Маргарет»), Алессандро Медичи иԥшәма ԥҳәыс). Авилла архитектуратә мотив хадақәа еснагь еиԥш — агьежьбжатәи ахыргьагьеи аҟәырӷи ракәын. Авестибиули алоџьиеи агротесктә темақәа рыла иҭыху асахьақәеи [[Рельеф (скульптура)|арелиеф]]қәеи рыла [[декор|ирԥшӡоуп]]. Рафаель афасад акомпозициаеи ааигәара игылоу ахыбрақәа рҷыдарақәеи еснагь еидиҳәалон, ахыбра ашәаагақәееи ахықәки азгәаҭаны, аханқәа зегьы ырԥшӡаны, акы иузаламырҩашьо аҟаҵара иҽазишәон<ref name="БСЭ">{{книга |автор = [[Алпатов, Михаил Владимирович|Алпатов М. В.]] |часть =Рафаэль |заглавие = [[Большая советская энциклопедия]] |ответственный = Гл. ред. [[С. И. Вавилов]]|издание = 2 издание|место = М.|издательство = [[Советская энциклопедия]]|год = 1965}}</ref>. Икомпозициақәа ирышьагәыҭуп ихырқәшоу аплан, асимметриа, афасадқәа апилиастрқәа рыла реихшара. Иҟоуп агәаанагара, архитектуреи аҿыханҵеи рҿы аклассицизм астиль Рафаель иоуп иаԥызҵаз, ихзырқәшазгьы ҳәа. Иусумҭақәа уанрыхәаԥшуа, ииашаҵәҟьаны, урҭ рыҩаӡара шхырқәшоу убоит, анаҩстҽи рырҿиара шзалымшо еиукаауеит<ref> Алпатов М. В. Художественные проблемы итальянского Возрождения. — М.: Искусство, 1976. — С. 10—12 </ref>. === Аҭыхымҭақәеи агравиурақәеи === [[Файл:Raphael Lucretia.jpg|мини|слева|200px|Рафаель. Лукрециа. 1483-1520 шықәсқәа рыбжьара. Ақьаад, акалам, амарқьаф, амел. Метрополитен амузеи, Ниу-Иорк]] [[Файл:Raimondi Lucretia's suicide.jpg|мини|200px|Маркантонио Раимонди. Лукрециа. 1515. Аџьаз аҟны агравиура.]] Рафаель иҭыхымҭақәа ԥшьышә инарзынаԥшуа еиқәхеит. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп асахьаҭыхразы аҽазыҟаҵаратә ҭыхымҭақәа, иҟоуп иара убас зхала иҟоу аусумҭақәагьы. Рафаель ихаҭа агравиурақәа ҟаиҵаӡомызт. Аха иҵаҩцәеи ицхырааҩцәеи — [[Раймонди, Маркантонио|Маркантонио Раимонди]], [[Венециано, Агостино|Агостино Венециано]], [[Денте, Марко|Марко Денте]], Џьованни Антонио Каралио — Рафаель исахьақәеи ихыркәшамыз икомпозициақәеи рхы иархәаны, арепликақәеи акомпозициатә вариациақәеи ҟарҵон. Уи абзоурала, ахәҭакахьала, иӡхьоу Рафаель исахьаҭыхымҭақәа ԥыҭк ҳара ҳаамҭанӡа иааӡеит. Рафаель иҭыхымҭақәа рыла иҟаҵаз агравиурақәа амҩадуқәа ирыԥныз адәқьанқәа рҿы ирҭиуан; урҭ аархәон италиатәи [[Майолика|амаиоликатә]] сахьаҭыхра аҟазацәа, (аҭӡамцхҟьақәа рҭыжьразы акартонқәа ҟазҵоз), амҿлыхқәа ҭаԥызҟоз, аиувелирцәа. Абас ала иҿион Аиҭарҿиара аамҭа иазҷыдаз аҟазаратә еицлабра: иналукааша асахьаҭыхҩы иусумҭа — асахьаҭыхҩы-агравиурақәа ҟазҵоз иусумҭа — анапҟаза иусумҭа уҳәа абарҭ зегьы еимаданы ианыҿиоз. Санкт-Петербургтәи [[Ермитаж|Аермитаж]] аҿы А. Венецианои М. Раимондии ркомпозициақәа зну амаиоликатә чанахқәа ыҟоуп. Насгьы, асахьанҵақәа Рафаель иҭыхымҭақәа ирықәҭыхӡам, урҭ рҿиаратә вариациақәуп, ркомпозициақәа рсахьа шыԥсыҽугьы, Рафаель ихаҭа иескизқәа раасҭагьы еиҳауп. Ари зыхҟьо аформат ахьыгьежьуи, ахьшьытә сахьанҵа аҷыдареи роуп<ref> Михайлова О. Э. Использование композиций произведений Рафаэля и его школы в росписи итальянской майолики // Рафаэль и его время: Сборник статей. — М.: Наука, 1986. — С. 142—154 </ref>. Рафаель иҭыхымҭа “ Парис иусӡбара ” дахәаԥшны (1508-1509). Раимонди аџьаз аҟны иҟаиҵаз агравиура, Џьорџьоне исахьаҭыхымҭа “Ақыҭатә концерт” (1508-1509) еиԥш, иара асхьаҭыхҩы ихаҭа [[Мане, Эдуард|Е. Мане]] ишиҳәоз ала, асахьаҭыхымҭа « [[Завтрак на траве (картина Мане)|Ашьацраҿ шьыбжьхьаҟаҵара]]»(1863) шьаҭас иаиуит<ref> Прокофьев В. Н. Живопись Эдуарда Мане между прошлым и будущим (некоторые вопросы поэтики и стилистики) // Прокофьев В. Н. Об искусстве и искусствознании. — М.: Советский художник, 1985. — С. 128 (письмо Ш. Бодлера Надару от 14 мая 1859 г.)</ref>. === Ажәеинраалақәа === [[Файл:La Fornarina by Raffaello.jpg|мини|слева|229px|[[Форнарина (картина)|Аԥҳәыс қәыԥш лпортреҭ (Форнарина)]]. 1518-1519 шықәсазы. Палаццо Барберини, Рим. Аҵарауаа реиҳараҩык ргәы ишаанагоу ала, асахьаҿы Рафаель бзиа иибоз, имодель [[Форнарина]] даарԥшуп. Рафаель данԥсы ашьҭахь, Џьулио Романо аԥҳәыс лыжәҩахыр аҿы иҭихит «Рафаель Урбинас» ҳәа зныз анапхаҵа.]] [[Файл:Raffaello Sanzio - La Donna Velata.jpg|мини|229px|[[Донна Велата|Донна Велата (Ақәыршә зхоу аԥҳәыс)]]. 1516.ақәатәа, ахәшашәыга. Палаццо Питти, Флоренциа]] Иаамҭазы иҟаз асахьаҭыхыҩцәа реиԥш, иаҳҳәап, [[Микеланџьело|Микеланџьело]], Рафаельгьы ажәеинраалақәа иҩуан. Иахьанӡагьы еиқәханы иҟоуп [[сонет|асонет]]қәа рыцҵаны иҭихыз исахьақәа. Ҵаҟа ижәбоит А. Махов еиҭеигаз асахьаҭыхҩы бзиа иибоз аԥҳәызбацәа руаӡәк илзикыз асонет. {{Ацитата алагара}}Амур, ирмаҷ убла хызкуа алашара Уара иааушьҭыз ҩ-бла џьашьахәык. Урҭ ҳақәдыргәыӷуеит ма ахьҭа, ма аԥхын амца шоура, Аха урҭ арыцҳашьара цәыкәбар хәыҷыкгьы рылам. Сара урҭ рыԥшӡара анысныр, Ишԥасцәыӡи схақәиҭреи сҭынчреи. Ашьхантә иасуа аԥшагьы, ацәқәырԥақәагьы Уи амца рзырцәаӡом сара сахьдырхәуашәа. Ҿымҭӡакәа сыхьанҭара ахгара сазыхиоуп Ашьамҭлаҳәқәа рыла иҿаҳәоу тәыс сыҟаз Урҭ рцәыӡра -аԥсра иаҩызоуп. Сгәаҟрақәа дарбанзаалак еиликаауеит, Агәаҳәарақәа раанкылара злымшаз Абзиабаратә ԥшатлакә ԥсаҭатәыс саиуит.{{Ацитата алгара}} === Рафаель иԥсреи Апантеон аҿы анышә иамадареи === [[Файл:Raphael's grave, Pantheon 2010.jpg|мини|Рафаель исаркофаг Апантеон аҟны. Рим. Аскульптор А. Мунес. 1811—1833]] Рафаель иԥсҭазаара далҵит Рим, мшаԥымза 6,1520 шықәса рзы, 37 шықәса дшырҭагылаз. Џь. Вазари иҩуан, Рафаель «абжьааԥны аасҭа еиҳа қьафурала аамҭа анихига ашьҭахь » дыԥсит ҳәа, аха иахьатәи аҵарауаа ргәы ишаанаго ала, иԥсра зыхҟьаз аԥсыԥ лага-ҩагаратә чымазара имцашоура ӷәӷәала иахьханагалаз иахҟьеит. Аҳақьымцәа иҟарҵаз агха иахҟьеит ҳәа,-апапа иааишьҭыз аҳақьымцәа, ииашамыз адиагноз ықәдыргылеит, ашьакаҭәарала имцашоура ладырҟәырц рҽазыршәеит, уи ахьҭа ӷәӷәа злаланы иҟаз ачымазаҩ изы даара ишәарҭан (ари атәы XVI-тәи ашәышықәсазгьы еилкааны ирыман<ref>{{Cite web|url=https://doi.org/10.1007/s11739-020-02435-8|title=Riva, M.A., Paladino, M.E., Motta, M. et al. The death of Raphael: a reflection on bloodletting in the Renaissance. Intern Emerg Med (2020)}} </ref>). Дыԥсаанӡа, Рафаель иҭаххеит иара ихарџь ала Апантеон аҿы «ажәытәӡатәи ахаҳәтә табернакль еиҭашьақәыргылазарц, насгьы уаҟа Мадонна лҳатәара зықәгылоу аныҳәарҭа дыргыларц, уи аҵаҟа анышә дахьарҭаша аҭыԥ алихит». Ажәытәӡатәи Венера илеиԥшны(егьырҭ ахыҵхырҭақәа рыла, Исида) аҳаҭәара аҟаҵара идиҵеит иҵаҩы, аскульптор, архитектор Лоренцо Лотти, хьыӡшьас [[Лоренцетто]] ҳәа зарҳәоз. Аскульптура "Мадонна дель Сассо" ҳәа иашьҭалеит (италиан бызшәала: Мадонна дель Сассо - Ашьха Мадонна, мамзаргьы Ахаҳәтә), избан акәзар Мадонна лшьапқәа ахаҳә иқәгылоуп. Аха аҟаза ду анышә дахьамадаҵәҟьоу еилкаамызт<ref>La Morte di Raffaello. — URL: [http://la-morte-di-raffaello-da-urbino.blogspot.com/2016/11/tomba-di-raffaello-al-pantheon-la-morte.html] {{Wayback|url=http://la-morte-di-raffaello-da-urbino.blogspot.com/2016/11/tomba-di-raffaello-al-pantheon-la-morte.html|date=20220118213141}}</ref>. цәыббрамза 14, 1833ш азы, асахьаҭыхҩцәа, [[Папская академия литературы и изящных искусств|аҟазара апапа иакадемиа]] алахәылацәа ражәалагалала, Апапа Григори XVI изин ала, дахьжыҵәҟьоу аилкааразы, аӡҟы дызку Мадонна лҳатәара зықәгылаз аплита аадыртит. Уи ахҭыс иалахәын апапа икуриа ахаҭарнакцәа, апапа ицҳаражәҳәаҩ, акардинал Викарио Зурла, аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа рыцҳаражәҳәаҩцәа, ауахәама ахаҭарнакцәа, Рим ақалақь ахаҭарнакцәа, анотариусцәа, аҳақьымцәа, археологцәа. Урҭ инарҷыданы,уи аамҭазы Рим иаҭааны иҟаз еицырдыруаз ашәҟәыҩҩцәеи аҟазацәеи: И. Ф. Овербек, Б. Торвальдсен, К. П. Бриуллов, О. Верне, Ф. А. Бруни, А. А. Иванов уҳәа убас егьырҭгьы. Зегьы ааидкыланы хынҩажәи жәохәҩык ауаа. Асахьаҭыхҩы [[Камуччини, Винченцо|Винченцо Камуччини]] акардама аартра апроцесс аарԥшразы иҷыдоу азин иҭан. Иара иаарту акардамеи аԥсыбаҩи рсахьа ҭихит, урҭ литографиала иҭрыжьит. Мызкы иалагӡаны Рафаель иԥсыбаҩ зегьы иахьырбоз иқәыргылан, анаҩс уи ажәытәӡатәи Римтәи асаркофаг иҭарҵеит, иара апапа иколекциа аҟынтәи ириҭеит. Асаркофаг ахҩа аҟны алаҭинтә епитафиа анырҵеит. Уи иҩит италиатәи агуманист, акардинал [[Бембо, Пьетро|Пиетро Бембо]]: «ILLE HIC EST RAPHAEL TIMUIT QUO SOSPITE VINCI / RERUM MAGNA PARENS ET MORIENTE MORI» ( ара анышә дамадоуп Рафаель дуӡӡа, иԥсы анҭаз аԥсабара даииаир ҳәа ишәон, даныԥсы ашьҭахь иара ԥсыр ҳәа ишәон). Асаркофаг ҭыԥк аҿы ишьҭаҵаны, асаркьа ала ихырҩеит. Ахҩа аҿы адаԥа иалху аџьазтә венок арҭеит, акардама ахыхь- игәыдеибакыло ҩ-ҳәыҳәк, Антонио Муниос искульптура (1811) Акомпозициа атеатралтә ҟазшьа шамоугьы, иара уныруеит, избан акәзар «асаркофаг аҿы аӡәгьы иеиԥшымкәа, аԥштәқәеи ацәаҳәақәеи аԥсҭазаара рыхҵара здыруаз аӡәы иԥсыбаҩ ыҟоуп»<ref>Власов В. Г. Пантеон и пантеоны. Умножение наименований: культурно-исторические и мнемонические аспекты изучения памятников классической архитектуры // Архитектон: известия вузов. — 2020. — № 2(70). — URL: [http://archvuz.ru/2020_2/5] {{Wayback|url=http://archvuz.ru/2020_2/5|date=20210603064838}}</ref>. === Рафаелески === Иналукааша италиатәи аҟазацәа ирҿыԥшқәоз, рышьҭамҭа ихылақәоз аҵаҩцәа традициала иааркьаҿны ирышьҭоуп: “Џьоттески”, “Леонардески”, “Џьорџьонески”... “Рафаелескиқәа” рахь иаҵанакуеит аҟаза иҟазарҭаҿы аус зуаз ицхырааҩцәа, Рафаель данԥсы ашьҭахь, зхала аус зуаз: [[Романо, Джулио|Џьулио Романо]], [[Себастьяно дель Пьомбо|Себастиано дель Пиомбо]], [[Перино дель Вага]], [[Пенни, Джанфранческо|Франческо Пенни]], Џьованни да Удине, [[Содома]]. Зегь реиҳа абаҩхатәра иман архитектор, аҿыханҵаҩ [[Романо, Джулио|Џьулио Романо]]. Ирҵаҩы истиль ала иҟаҵаз иусумҭақәа, зны-зынлагьы иескизқәа рыла иҟаиҵоз, рыхә ҳаракны иршьомызт аамҭак ицаныз ауаа. Аха, уи XVI-тәи ашәышықәса аҩбатәи азбжазы италиатәи аҟазара аҿиараҿы анаҩстәи акыр зҵазкуа аетап [[маньеризм|аманиеризм]] аҟазара ашьаҭаркҩцәа дыруаӡәкхеит. Еиҳараӡак иара Рим аус иуан, аха зегь реиҳа иоригиналтәу иргылареи исахьанҵақәеи [[Мантуя|Мантуа]] иҟоуп — [[Палаццо дель Те]]. Џьованни Нанни [[Удине]]ҟа дхынҳәит, уаҟа иара иаԥиҵеит акыр зҵазкуа асахьаҭыхымҭақәа. Франческо Пенни [[Неаполь]]ҟа нхара диасит, аха дышқәыԥшыз дыԥсит. Перино дель Вага Флоренциеи [[Генуя|Генуе]]и аус иуан. === Рафаель ирҿиаратә метод аҭоурыхтә хәшьарақәа === Рафаель иусумҭақәа рыҭҵааҩцәеи рдырыҩцәеи реиҳараҩык иазгәарҭоит иҟазара иацу аласреи апластикеи. “Еснагь аҵара дазхиан, еиуеиԥшым аныррақәа идикылон: [[Перуджино|Перуџьино]] “ихәыцуа Мадоннақәа” рҟәымшәышәра, Леонардо да Винчи и[[сфумато]], иара убас “акомпозициатә хкәакь”, иҟазара аҵыхәтәантәи аетапаҿы Микеланџьело ифигурақәа рпластика ду. Иара анатура акырӡа аус адиулон, ашьшьы-шьшьыҳәа ескизк аҟынтә даҽа ескизкахь диасуа, акомпозициа еибакапануа,аформа шьахәны иҟаиҵон. « Иара изы аҟазара ргәаҟгамызт ма еилкаам хықәкымызт. Еиҳа-еиҳа иҟазара ршьахәуа, Рафаель иҿаԥхьа инаигӡашаз азҵаатәқәа ықәиргылон. Рафаель еснагь иҟаиҵон егьырҭ иҟарҵарц ирҭахыз». Г. Виольфлин ихшыҩҵак ҵар инақәршәаны «Микеланџьелои Леонардои рҟазара инаҭаз анырра илан игәаҭеиуа»<ref> Вёльфлин Г. Классическое искусство. Введение в изучение итальянского Возрождения. — СПб.: Алетейя, 1997. — С. 84, 88 </ref>. Рафаель иҭоурыхтә лшамҭаны иҟоуп, иҟазараҿы еиуеиԥшым ҩ-дунеик акны иахьеидиҳәалаз — ақьырсиантә дунеии аклассикатә дунеии”<ref> Гращенков В. Н. Об искусстве Рафаэля. — С. 10 </ref>. Жәашықәсала имҩаԥысуаз «[[Спор о древних и новых|Ажәытәқәеи аҿатәқәеи рзы аимак]]» ([[классицизм|аклассицизм]] адгылаҩцәеи [[барокко|абарокко]] адгылаҩцәеи) асахьаҭыхреи аскульптуреи Парижтәи Акралтә Академиа анапхгаҩы [[Лебрен, Шарль|Шарль Лебрен]] абҵарамза 5,1667 шықәсазы аклассикатә ҿыханҵа ашедеврқәа рзы лекциақәа рцикл ааиртит. Раԥхьатәи илекциа Рафаель ирҿиара иазикит. Европатәи [[Академизм|аҟазаратә академиақәа]] зегьы рҿы “Анцәахша Рафаель” иҟазара еталонс иҟан, насгьы зеиӷьыҟам ҿырԥшыгас иԥхьаӡан. Рафаелизм апологетцәа рҟынтә еиҳа иалкаауп [[Менгс, Антон Рафаэль|Антон Рафаель Менгс]]и [[Энгр, Жан Огюст Доминик|Џь. Енгар]]и. Рафаель иусумҭақәа ирымҵахырхәон [[Кальдара, Полидоро|Полидоро да Караваџьо]], [[Франча, Франческо|Франческо Франча]]. Ахәҭакахьала, Енгар иазгәеиҭеит: «Фидии Рафаели рышьҭахь аҟазараҿы акрызҵазкуа ҳәа уаҳа акгьы аартра залшом... Рафаель насыԥ иман ҳәа рҳәоит. Ааи, аха уи зыхҟьо уи ԥсабаратәла лакьыс узиҭомызт, дынцәахшан,Микеланџьело иусумҭа дуқәа уанрыхәаԥшуа, гәыкала урҭ ушдыршанхогьы, урҭ рҿы ааԥсарак аҷыдарақәа убарҭоуп. Рафаель иҟны даҽакала иҟоуп. Иаԥҵамҭақәа зегьы ссирӡақәоуп; Анцәа иаԥҵамҭақәа реиԥш, урҭ ԥшатлакәҵас ицәырҵыз рҿиаратә гәазыҳәара ссирк ала иҿиазшәа ауп ишыҟоу»<ref> Энгр об искусстве. — М.: Изд-во Академии художеств СССР, 1962. — С. 74, 81 </ref>. Рафаель иҟазарахь абас еиԥш иҟаз азнеишьа, аамҭа анца ашьҭахь аҭактә реакциа аиуит: аҟазараҿы [[романтизм|аромантизм]]и [[Реализм (живопись)|ареализм]]и рыдгылаҩцәа рыкритика обиект хаданы Рафаель дҟарҵеит. Милан, Рим ақалақьқәа рҿы Рафаель иҟазара нҭкааны иҭызҵааз аурыс сахьаҭыхҩы [[Иванов, Александр Андреевич|А. А. Иванов]] иазгәеиҭеит, Рафаель исахьақәа иааидкыланы «аграциеи аҳаракыреи» рҟазшьоуп ҳәа<ref> Мастера искусства об искусстве. М.: ИЗОГИЗ, 1937. Т. IV. С. 125 </ref>. 1883 шықәсазы Рафаель Санти диижьҭеи ԥшьышә шықәса аҵра ныҳәа дула иазгәарҭеит. [[Санкт-Петербург]] иҟоу [[Императорский фарфоровый завод|Аимператортә фарфортә зауад]] аҿы, аимператор [[Александр III]] идҵала, ари арыцхә азы Ватикан иҟоу “Рафаель илоџьиақәа” агротескқәа рмотивқәа рыла, асахьаҭыхҩы С. Р. Романов исахьанҵақәа зну “Рафаель исервиз” ҭрыжьит<ref>Рафаэлевский сервиз ИФЗ [http://farfor-expert.ru/rafaelevskij-serviz/] {{Wayback|url=http://farfor-expert.ru/rafaelevskij-serviz/|date=20220118182531}}</ref>. == Иусумҭақәа рыхәԥса == [[Файл:Raffaello Sanzio, - cartoon for the Head of a Young Apostle, c.1519-20.jpg|мини|справа|"Ацҳаражәҳәаҩ қәыԥш ихы"]] Ԥхынҷкәынмза 5, 2012ш азы [[Сотбис|Сотсбис]] аукцион аҟны ирҭиит Рафаель исахьа “Ацҳаражәҳәаҩ қәыԥш ихы” (1519-1520) асахьаҭыхымҭа “Аҽеиҭакра” азы. Ахәԥса £29,721,250 фунт стерлинг артәет, раԥхьатәи ахә аасҭа ҩынтә еиҳан. Ари аҿыханҵатә усумҭақәа рзы ирекордуп<ref>{{Cite web |url=http://www.sothebys.com/en/auctions/ecatalogue/2012/old-master-british-paintings-evening-l12036/lot.52.lotnum.html |title=Сайт Sotheby’s |access-date=2013-01-19 |archive-date=2018-02-20 |archive-url=https://web.archive.org/web/20180220033607/http://www.sothebys.com/en/auctions/ecatalogue/2012/old-master-british-paintings-evening-l12036/lot.52.lotnum.html |url-status=live }}</ref>. == Аҟазараҿы ахаҿсахьа == === Акиносахьақәа === * 2017 - Рафаель. Аҟазара аҭауад<ref>В некоторых русских источниках — «Принц», в англоязычном прокате — ''The Lord'' (of the arts)</ref> / Рафаелло: Il Principe delle Arti (реж. Лука Виотто / Лука Виотто) - адокументалтә-хәмарратә, Рафаель Санти ироль аҿы - Флавио Паренти / Флавио Паренти, Џьованни Манти ироль аҿы - Енрико Ло Версо / Енрико Ло Версо === Афилателиаҿы === <gallery> Файл:The Soviet Union 1970 CPA 3956 stamp ('The Conestabile Madonna' (Raphael)).jpg|Рафаель исахьаҭыхымҭа "Мадонна Конестабиле", 1970 [[СССР]] [[Почтовая марка|аԥошьҭатә марка]]ҿы. Файл:USSR 1983 5305 3111 0.jpg|Рафаель исахьаҭыхымҭа " Иԥшьоу Аҭаацәара", 1983 [[СССР]] [[Почтовая марка|аԥошьҭатә марка]]ҿы. Файл:КПД СССР, 1983 г. со спецгашением. 500 лет со дня рождения Рафаэля.jpg|[[Конверт первого дня|Раԥхьатәи амш аконверт (КПД)]], СССР, 1983 ш., [[Специальное гашение|аҷыдатә ԥошьҭатә штамп]] зцу. Рафаель диижьҭеи хәышә шықәса аҵра. Файл:GDR-stamp Raffael 1955 Mi. 509.JPG|Рафаель исахьаҭыхымҭа "Сикстинтәи Мадонна", 1955 [[ГДР]] [[Почтовая марка|аԥошьҭатә марка]]ҿы. </gallery> == Шәахә. иара уб. == * [[Список работ Рафаэля|Рафаель иҭыхымҭақәа рсиа]] * [[Мадонны Рафаэля|Рафаель Имадоннақәа]] * [[Станцы Рафаэля|Рафаель истанцақәа]] * [[Портреты Рафаэля|Рафаель ипортреҭқәа]] * [[Форнарина]] * [[Рафаэль (кратер)|Рафаель (акратер)]] * [[Леонардо да Винчи]] * [[Микеланџьело|Микеланџьело Буанарроти]] * [[Тициан|Тициан Вечеллио]] * [[Сандро Боттичелли]] == Азгәаҭақәа == {{Reflist|2}} == Алитература == * {{Книга |автор = Санти Б. |заглавие = Рафаэль |издание = |оригинал = ''Santi Bruno'' Raffaello (1993) |ответственный=Пер. с ит. И. С. Фомичёва|место = М. |издательство = Слово |год = 1995 |страницы=|страниц = 80 |isbn=|ref = Санти Б.}} * ''Кристоф Т.'' Рафаэль. — Taschen. 2005 * {{книга | автор = {{comment|Махов А. Б.|Александр Борисович}} | заглавие = Рафаэль | место = М. | издательство = [[Молодая гвардия (издательство)|Молодая гвардия]] | год = 2011 | серия = [[Жизнь замечательных людей]] | страниц = 376[8] | isbn = 978-5-235-03462-4 | тираж = | ref = }} * {{Книга |автор = [[Стам, Соломон Моисеевич|Стам С. М.]] |заглавие = Флорентийские мадонны Рафаэля : Вопросы идейного содержания |место = Саратов |издательство = Издательство [[Саратовский университет|Саратовского университета]] |год = 1982 |страниц = 80 }} * {{книга |автор = [[Элиасберг, Нора Ефимовна|Элиасберг Н. Е.]] |заглавие = Рафаэль |ссылка = |ответственный = |издание = |место = М. |издательство = [[Искусство (издательство)|Искусство]] |год = 1961 |страниц = 56 }} * [[Гращенков, Виктор Николаевич|Гращенков В. Н.]] Рафаэль. — М.: Искусство, 1975. — 25000 экз. == Азхьарԥшқәа == * [http://www.rafaelsanti.ru/ Сайт, посвящённый творчеству Рафаэля Санти]{{In lang|ru}} * [http://top-antropos.com/religion/jesus-maria/item/134-madonny-rafajelja Мадонны Рафаэля (42 картины)] * [http://www.art-drawing.ru/gallery/category/696-raphael Рафаэль Санти. Картины] [http://www.art-drawing.ru/biographies/brief-biographies/1213-raphael и биография] * Сонеты Рафаэля Санти в переводах Павла Алешина: https://rosa-mundi.ru/section/raffaello_sanzio {{Авторитет змоу адыррақәа}} [[Акатегориа:Римтәи апантеон аҿы анышә иамадақәоу]] [[Акатегориа:XVI ашәышықәсазы Италиа аскульпторцәа]] [[Акатегориа:Италиатәи аиҭарҿиара аамҭазы аскульпторцәа]] [[Акатегориа:Агәчымазара иахҟьаны зыԥсҭазаара иалҵқәаз]] [[Акатегориа:Италиатәи аиҭарҿиара аамҭазы асахьаҭыхҩцәа]] [[Акатегориа:XVI ашәышықәсазы Италиа асахьаҭыхҩцәа-амонументалистцәа]] [[Акатегориа:Амифологиатә тематикала ирҿиоз асахьаҭыхыҩцәа]] [[Акатегориа:XVI ашәышықәсазы Италиа асахьаҭыхыҩцәа]] 2pj3j1ocqdo4ipiy7dchggyl6rvf6qc 170636 170634 2026-07-27T14:20:50Z Nart17 17397 Акарточка: аиҭагаҩ илексика ала ахьӡынҵа ҭагылоуп (азанааҭ, арҿиара дуқәа, аԥсыжра аҭыԥ, амеценатцәа). 170636 wikitext text/x-wiki {{Аиҭархара|Рафаель|Рафаель (еилыркаара)|Рафаель захьӡу ма изыжәлоу егьырҭ ауаа ирызку, иара убасгьы даҽа ҵакқәак змоу.}} {{Акарточка артист | ахьӡ = Рафаелло Санцио | афото = Raffaello Sanzio.jpg | ахҵара = Ахатәыпортреҭ. 1504 - 1506 Амҿы, атемпера. 33 × 47,5 см. [[Уффици]], [[Флоренция|Флоренциа]] | атәылауаҩра = [[Файл:Banner_of_Arms_of_the_Duchy_of_Urbino.svg|border|22px]] [[Герцогство Урбино|Урбинотәи агерцогцәа рыдгьылқәа]] | амилаҭра = италиаа | Азанааҭ = асахьаҭыхҩы, аҿыханҵаҩ, аҭыхҩы, архитектор | аԥсра зыхҟьаз = агәчымазара | аԥсыжра аҭыԥ = [[Пантеон (Рим)|Апантеон]], [[Рим]] | арҿиара дуқәа = [[Сикстинская мадонна|Сикстинтәи Мадонна]]<br />[[Афинская школа|Афинатәи ашкол]]<br />[[Преображение (Рафаэль)|Аҽеиҭакра]]<br />[[Триумф Галатеи|Галатеиа лтриумф]]<br />[[Станцы Рафаэля|Рафаель истанцқәа]] | амеценат = [[Юлий II|Апапа Иули II]], [[Лев X|Апапа Леон X]], [[Киджи, Агостино|Агостино Киџьи]] <!-- Аҵаҟатәи апараметрқәа ҭацәуп мап ацәкра азы: Викидырра аурыс текст ҭанаргылоит, ru-источник аҿы урҭ ҭацәын. Иарбанзаалак ҭаргылара RU-источник иацәыхьчалатәуп. --> | анхарҭа = | алма-матер = | аусураҭаҩ = | инырит = | анашьамҭақәа = | амазара = | апартиа = | адин = | аԥҳәыс = | ахаҵа = | ацынхаҩы = | ахәыҷқәа = | амаҵура = | асаит = }} '''Рафаель Санти да Урбино'''<ref>{{Cite web |url=http://gramota.ru/slovari/dic/?ag=x&word=%D1%80%D0%B0%D1%84%D0%B0%D1%8D%D0%BB%D1%8C%D1%81%D0%B0%D0%BD%D1%82%D0%B8 |title=Ударение в Словаре имён собственных |access-date=2022-04-18 |archive-date=2021-05-02 |archive-url=https://web.archive.org/web/20210502142941/http://gramota.ru/slovari/dic/?ag=x&word=%D1%80%D0%B0%D1%84%D0%B0%D1%8D%D0%BB%D1%8C%D1%81%D0%B0%D0%BD%D1%82%D0%B8 |url-status=live }}</ref>, мамзаргьы '''Рафаелло Санцио''' (итал. Raffaello Santi, Raffaello Sanzio, Rafael, Raffael da Urbino, Rafaelo; хәажәкырамза [[Хәажәкырамза 26|26]] ма [[Хәажәкырамза 28|28]], ма [[Мшаԥымза 6|мшаԥымза 6]]<ref name="BRE">{{БРЭ|автор=[[Назарова, Ольга Алексеевна|О. А. Назарова]]|2=28|3=264—266|статья=Рафаэль|ссылка=https://old.bigenc.ru/fine_art/text/3495496|архив=https://web.archive.org/web/20230610205947/https://old.bigenc.ru/fine_art/text/3495496|архив дата=2023-06-10}}</ref>, [[1483|1483ш]], [[Урбино]] —[[Мшаԥымза 6|мшаԥымза 6]],[[1520]], [[Рим]]) - [[Изобразительное искусство Италии|Италиатәи]] [[художник|асахьаҭыхҩы]], [[живописец|аҿыханҵаҩ]], [[Рисунок|аҭыхҩы]], [[умбрийская школа|умбриатәи]], [[Флорентийская школа живописи|флоренциатәи]] [[архитектор]], уи ашьҭахь - Римтәи [[Школа (в науке и искусстве)|ашкол]]. [[Высокое Возрождение|Иреиҳау Аиҭарҿиара]], ма XVI-тәи ашәышықәса алагамҭазы "Римтәи классицизм" аҟазара ахаҭарнакцәа дыруаӡәкын. Иара ҩажәи жәибыжь шықәса роуп иниҵыз, қәра дук шныимҵызгьы, [[Италиа|Италиа]] еицырдыруаз, амал змаз асахьаҭыхҩцәа дыруаӡәкхеит. Рафаель иусумҭақәа рҿы иааирԥшит [[Ренессансный гуманизм|аренессанстә гуманизм]] иҳараку аидеиақәа, ажәытәӡантәи иаауа, наӡаӡатәи аԥшӡареи ақьырсиантә дунеихәаԥшышьеи реидкылара илиршеит. Иҭыхымҭа «[[Сикстинская мадонна|Сикстинтәи Мадонна]]» лсахьа аҭоурых аҿы зегь реиҳа еицырдыруа асахьақәа ирхыҵхьаӡалоуп; аурыс шәҟәыҩҩы [[Достоевски, Фиодор Михаил-иԥа|Фиодор Достоевски]] зегь реиҳа бзиа иибоз асахьаҭыхымҭақәа иреиуоуп<ref>{{cite web|url=http://www.mirfilologa.ru/articles/ruslit/20vek/162-sikstinskaya-madonna-v-russkoj-literature-khkh-veka|title=«Сикстинская мадонна» в русской литературе XX века|publisher=www.mirfilologa.ru|access-date=2019-07-30|archive-date=2019-07-14|archive-url=https://web.archive.org/web/20190714224120/http://mirfilologa.ru/articles/ruslit/20vek/162-sikstinskaya-madonna-v-russkoj-literature-khkh-veka|url-status=live}}</ref>. == Ирҿиаратә нысымҩа == Рафаель иусумҭақәа удыршанхоит рформа еилыкка иахьыҟоу, [[Композиция (изобразительное искусство)|ркомпозициа]] ахьымариоу, насгьы ауаҩы иҳаракыреи иԥшӡареи [[Неоплатонизм|рнеоплатонтә]] идеал аарԥшра ахьилшази рзы<ref> Christian K. Vision and the Visionary in Raphael. — Penn State Press: 2011. —ISBN 978-0-271-03704-2 </ref>. Рафаельи [[Микеланџьело|Микеланџьелои]], [[Леонардо да Винчи|Леонардо да Винчии]] Иреиҳау Аиҭарҿиара аамҭа иаҵанакуа хҩык аҟазацәа дуӡӡақәа ҳәа иԥхьаӡоуп. “Рафаель насыԥ змаз сахьаҭыхҩын. Уи ӷәӷәала аус иуан, аха илаз аҟазара Микеланџьело иеиԥш, даргәаҟуамызт, мамзаргьы Леонардо да Винчи иеиԥш иузеилымкаауа маӡаны иҟамызт. Иара иҟазара еилкаан, иҭынчын, иҳаракын, идеалтәын. Ииашаҵәҟьаны иҟазара классикатәын"<ref> Гращенков В. Н. Об искусстве Рафаэля // Рафаэль и его время. — М.: Наука, 1986. — С. 7 </ref>. Рафаель Леонардо да Винчи иаасҭа ҩажәи жәеиза шықәсала деиҵбын, Микеланџьело —аашықәса, уи аамҭа ҿыц иаҵанакуаз аҿар дырхаҭарнакхеит, иара 1520 шықәсазы иаамҭамкәа иԥсҭазаара даналҵ инаркны, Италиа Иреиҳау Аиҭарҿиара аамҭа ииасуа иалагеит<ref> [[Власов, Виктор Георгиевич|Власов В. Г.]] Рафаэль Санти // Стили в искусстве. В 3-х т. — СПб.: Кольна. Т. 3. — Словарь имён, 1997. — С. 220 </ref>. Рафаель зеиԥшыҟам аҟазара злаз сахьаҭыхҩын, аҟазарҭа ду напхгара азиуан, иара ишьҭахь аусумҭақәа рацәаны иаанижьит. Ирҿиамҭақәа, ҳәарада, х-етапкны, х-стильк рыла еихшоуп, раԥхьаӡа акәны урҭ дрыхцәажәеит [[Вазари, Джорджо|Џьорџьо Вазари]]: [[Умбрия|Умбриа]] раԥхьатәи ишықәсқәа, анаҩс ԥшьышықәса раҟара (1504-1508) [[Флоренция|Флоренциа]] асахьаҭыхратә традициақәа зныԥшуаз аамҭа, уи ашьҭахь аҵыхәтәантәи итриумфтә усура-жәаҩа шықәса [[Рим|Рим,]] ҩыџьа апапцәа: [[Юлий II|Иули II]], [[Лев X|Леон X]] (1508—1520)рхаан. === Аҭоурыхҭҵаара === Рафаель иусумҭақәа иахьагьы аспециалистцәа иҭырҵаауеит, адискуссиақәа мҩаԥыргоит. Иҳаҩсыз жәашықәсақәа ирылагӡаны, ҿыц ицәырҵыз адыррақәа инарықәыршәаны, « Анцәахша Рафаель» изкны ирҩыз XVI-тәи ашәышықәсазы Џьорџьо Вазари, XIX-тәи ашәышықәса аҵыхәтәаны [[Вёльфлин, Генрих|Генрих Виолфлин]] ашәҟәы «Аклассикатә ҟазара» (1899) аҿы ирҩыз, «[[Пассаван, Иоганн Давид|И. Д. Пассаван]] Рафаель изку раԥхьатәи имонографиаҿы, мамзаргьы А. Миронов [[Энциклопедический словарь Брокгауза и Ефрона|Брокгаузи Ефрони Ренциклопедиатә жәар]] аҿы ирҩыз рацәаны еиҭарҿыцын. Ахәҭакахьала, Иреиҳау Аиҭарҿиара аҟазара змырԥсыҽуа, акультураҿы “рафаелизм” аҭыԥи арольи иааннакыло аҭыԥи арольи еиҭарыхәаԥшын, “рафаелескқәа” ( аҟаза иҵаҩцәеи ишьҭрақәлаҩцәеи), [[маньеризм|аманиеризм]] ахь ирымоуа зыҟазаашьа. Аха Рафаель ирҿиамҭақәа адунеизегьтәи аҟазара аҭоурых аҿы ирымоу ароль дуӡӡа аҵакы гәыҩбарак узцәырнагаӡом. === Урбино имҩаԥысыз ихәыҷреи иҿареи === Рафаель Санти заа иани иаби ицәыӡит. Иан Марџьи Чарла дыԥсит 1491 шықәсазы. Иаб [[Санти, Джованни|Џьованни Санти]] Урбино агерцог иҟны,[[Гвидобальдо да Монтефельтро|Гуидобальдо да Монтефельтро]] аҳҭынраҿы сахьаҭыхҩыси поетси дыҟан. Иара 1494 шықәсазы иԥсҭазаара далҵит, аха дахьӡеит иԥа асахьаҭыхразы раԥхьатәи аурокқәа иҭара<ref>{{книга|автор=Srinivasan, A.|заглавие=World Famous Artists|ссылка=https://books.google.ru/books?id=IXvcvv1Fnw8C&pg=PA21|pages=21|isbn=81-7478-522-1}}</ref>. Ажәохәтәи ашәышықәса аҩбатәи абжазы Урбино аус зуаз Лучиано Лаурана, [[Франческо ди Джорджо|Франческо ди Џьорџьо]] Мартини, [[Пьеро делла Франческа|Пиеро делла Франческа]] иара асахьаҭыхра ирҵараҿы акырӡа аҵак ду нарыгӡеит. Рафаель Санти зегь раԥхьатәи иусумҭа, «Мадонна аӡҟы дыкны», иахьагьы [[Урбино]] ақалақь аҿы иҟоу [[Дом-музей Рафаэля Санти|Рафаель иҩны амузеи]] аҿы иҟоуп. Асахьаҭыхҩы раԥхьатәи иусумҭақәа иреиуоуп “Иԥшьоу ахҩеила рсахьа зну ахоругвь” (1499-1500 шықәсқәа инарзынаԥшуа), иара убас «Толентинотәи Иԥшьоу Николаи игәаргьынхаҵара»(1500-1501) [[Читта-ди-Кастелло|Читта ди Кастелло]] иҟоу Сант-Агостино ауахәама. === Аҵара. Умбриатәи аамҭа === [[Файл:PalaOddiRaffaello.jpg|мини|слева|Аҭыԥҳа агәыргьын лхаҵара ([[Алтарь Одди|Одди иныҳәарҭа]]). 1502-1504 шықәсазы. Ақәатәа,атемпера (амҿы аҟынтәи еиҭагоуп). Ватикан, Пинакотека.]] 1501 инаркны Рафаель [[Перуджа|Перуџье]] (Умбриа) иҟаз [[Пьетро Перуджино|Пиетро Перуџьино]] иҟазарҭаҿы аҵара иҵон, аусгьы иуан. Уи аамҭазы, иара лассы-лассы Перуџьи ааныжьны [[Урбино]], [[Читта-ди-Кастелло|Читта ди Кастелло]] игылаз иҩныҟа дцалон, [[Пинтуриккьо|Пинтуриккио]] дицны [[Сиена]]ҟа дцон, Читта ди Кастеллои Перуџьиеи рҟынтә иоуаз азаказқәа наигӡон. 1502 азы ицәырҵуеит раԥхьатәи “рафаель имадонна”-“ [[Мадонна Солли]] ”. Мадоннеи аӡҟи рсахьақәа - Рафаель қәыԥш зегь реиҳа бзиа иибоз теман, иԥсы ҭанаҵы ус еиԥш иҟаз асахьақәа ҭихуан. Аха иара заатәи «Мадоннақәа иҭынчу Умбриатәи апеизаж афонаҿ » (А. Н. Бенуа) Перуџьино истиль ала иҭыхын. Џь. Вазари излеиҳәо ала, Рафаель раԥхьатәи иусумҭақәа Перуџьино исахьақәа ирылукаартә иҟам. Егьырҭ раԥхьатәи аусумҭақәа рахь иаҵанакуеит «[[Сон рыцаря|Арыцар иԥхыӡ]]», «[[Три грации (Рафаэль)|Х-грациак]]»(рыҩбагьы 1504 шықәса инарзынаԥшуа). [[Дворжак, Макс|Макс Дворжак]] иазгәеиҭахьан, Рафаель «Умбриатәи аҟазацәа рҵаҩы иаҳасабала далагеит, нас Фра Бартоломео Флоренциа иааирԥшуаз адинтә-идеалисттә хырхарҭа дадгылеит ҳәа.Рафаель Римҟа диасаанӡа иԥсҭазаара далҵызҭгьы, иара ҳаамҭазы умбриа-флоренциатәи ашкола аҟазацәа бзиақәа дырхыԥхьаӡалахон, уи аҩаӡарагьы дахысран дыҟамызт. Наӡаӡатәи ақалақь ауп иара истиль дуи ирҿиара ауниверсалтә ҵаки рышьаҭа зҳаз<ref> Дворжак М. История итальянского искусства в эпоху Возрождения. Курс лекций. — М.: Искусство, 1978. — Т. II. — XVI столетие. — С. 45 </ref>. Хәыҷы-хәыҷла Рафаель ихатә стиль ааирԥшит. Асахьа «[[Обручение Девы Марии (картина Рафаэля)|Мадоннеи ԥаҵа зҿам Иосифи]]» (1504) аҿы Пиетро Перуџьино абри атемала иҟаиҵаз акомпозициа даҽазныкгьы иаагоуп, аха асахьақәа рҭыхра апластикаҿы аҵаҩы ирҵаҩы дииааит. Одди иныҳәарҭазы иҭихыз асахьаҿы «[[Алтарь Одди|Мариа Қьырса хәыҷ дыкны]] » (1504 шықәса инарзынаԥшуа), Рафаель иԥшааит анаҩстәи иусумҭақәа рҿы еиқәиршәашаз акомпозициа. Аныҳәарҭа рзы акомпозициа дуқәа рыдагьы, Рафаель иаԥиҵеит асахьа хәыҷқәа: «[[Мадонна Конестабиле]]» (1502-1504), «Агәылшьап зшьуа Аԥшьа Георги » (1504-1505 инарзынаԥшуа) насгьы апортреҭқәа - «Пиетро Бембо ипортреҭ» (1504-1506). 1504 шықәсазы Урбино ақалақь аҿы Рафаель афилософ, ашәҟәыҩҩы, афилантроп, аграф [[Кастильоне, Бальдассаре|Балдассаре Кастильоне]] диабадырит, уии иареи аиҩызара ӷәӷәеи асалам шәыҟәқәеи рыбжьалеит, ахәҭакахьала, Рафаель иҭихыз аҭыӡсахьа “[[Триумф Галатеи|Галатеиа лтриумф]]” иадҳәалоу, аҟазара аҭоурых аҿы еицырдыруаз ашәҟәқәа. === Флоренциатәи аамҭа. "Флоренциатәи Амадоннақәа" === [[Файл:Raphael Madonna with Beardless St. Joseph.jpg|мини|[[Мадонна с безбородым Иосифом|Мадонна аԥаҵа зҿам Иосиф дицны]] (Иԥшьоу аҭаацәара) 1506. Темпера, ақәатәа, ахәшашәыга (амҿы аҟынтәи еиҭагоуп). Аҳәынҭқарратә Ермитаж, Санкт-Петербург]] 1504 шықәса ахырқәшамҭазы Рафаель [[Флоренция|Флоренциа]]ҟа нхара диасит. Абраҟа [[Леонардо да Винчи|Леонардо да Винчии]] иареи еибадырит, иара убас [[Микеланџьело|Микеланџьело]], [[Фра Бартоломео|Бартоломео делла Порта]] уҳәа егьырҭ Флоренциатәи аҟазацәа аӡәырҩы. Инҭкааны иҭиҵаауан Леонардо да Винчи иҿыханҵатә техника, и[[сфумато]]. Рафаель егьырҭ аҟазацәа реихьӡарақәа ирласны идикылон, иҵон, иӡхьоу Леонардо да Винчи исахьаҭыхымҭа “Ледеи амшынҟызи” аҟынтәи Рафаель иҭыхымҭа нханы иҟоуп, иара убас Микеланџьело иҭыхымҭа “Аԥшьа Матфеи” аҟынтәи. «...Леонардои Микеланџьелои русумҭақәа рҿы иибаз атехникақәа ирыбзоураны, иара иҵегьы аусура иҽадицало далагеит, урҭ рҟынтәи иҟазареи иҟазшьеи рзы ахәарҭа ду алигарц азы», ​​— ҳәа иҩуан Џь. Вазари<ref name="Вазари">{{книга |автор = Джорджо Вазари. |часть = |заглавие = Жизнеописания наиболее знаменитых живописцев, ваятелей и зодчих|оригинал = |ссылка = |ответственный = |издание = |место = М.|издательство = АЛЬФА-КНИГА |год = 2008|том = |страницы = |страниц = |серия = |isbn = |тираж = }}</ref>. “Иҳәаатәхаз” ​​асахьа акәхеит “[[Положение во гроб (картина Рафаэля)|Акәыба аҭаҵара]]”, уи аҟаза раԥхьатәи “Умбриатәи астиль” ацәхьаҵразы иҟаиҵаз аҽазышәара аанарԥшуан. Рафаель раԥхьаӡа Флоренциа Аньоло Дони иҟынтәи, уи иԥҳәыси иареи рпортреҭқәа ҭихразы азаказ иоуит, аҵыхәтәантәи Леонардо да Винчи иҭыхымҭа « [[Мона Лиза|Мона Лиза дель Џьокондо]]» Рафаель инаҭаз анырра аныԥшит. Иара убри аамҭазы, Аньоло Дони изы Микеланџьело Буонарроти «[[Мадонна Дони]]» [[тондо|атондо]] аԥиҵеит. Флоренциа Рафаель аныҳәарҭатә сахьақәа ҭихит: «Аҳ итәарҭаҿ итәо Мадонна Иоанн Аӡӡаахҩи Баринтәииҿ Николаи лыцны» (1505 шықәса иназынаԥшуа), «[[Положение во гроб (Рафаэль)|Акәба аҭаҵара]]» (1507 шықәса) насгьы апортретқәа - « [[Дама с единорогом (картина Рафаэля)|Аԥҳәызбеи атәыҩазаҵәи]]» (1506-1507 инарзынаԥшуа). Аҿыцрақәа рацәаны ишцәырҵызгьы, Рафаель итрадициатәу атехника еиҳа еиӷьишьон: темперала аус иуан, амҿаҟны ахәшашәыга ихы иаирхәон, ақәатәа аҿы акәымкәа. 1507 азы Рафаельи [[Донато Браманте]]и еибадырит. Ишьақәырӷәӷәам адокументалтә версиа ала, урҭ еиуацәан, иҟалап Браманте иашьа иԥа иакәызҭгьы. Ишыҟазаалакгьы, Браманте иакәхеит абжьгаҩыс иоуз, анаҩсгьы хылаԥшра изызуаз, ашьҭахь Ватикан аусуразы иреиӷьу акандидат ҳәа асахьаҭыхҩы Апапа [[Юлий II|Иули II]] дидигалеит. Рафаель еиҳа-еиҳа ихьӡ-иԥша иацлон, аԥшьацәа рсахьақәа раԥҵаразы адҵақәа рацәаны иоуан: « Иԥшьоу аҭаацәара аԥшьацәа Елизаветеи Иоанн Аӡӡаахҩи рыцны» (1506-1507 шықәсақәа инарзынаԥшуа). «[[Мадонна с безбородым Иосифом|Иԥшьоу аҭаацәара (Мадоннеи аԥаҵа зҿам Иосифи)]]» (1505-1507), «[[Святая Екатерина Александрийская (Рафаэль)|Александриатәи Аԥшьа Екатерина]]» (1507-1508 инарзынаԥшуа). [[Файл:Raffaello Sanzio - Madonna del Cardellino - Google Art Project.jpg|мини|слева|[[Мадонна со щеглом|Мадонна ашьхарҵыс кны]]. 1505-1506 шықәсазы. Амҿы, ахәшашәыга. Уффици, Флоренциа]] Флоренциа ақалақь аҿы Рафаель Мадоннақәа зну асахьақәа ҩажәаҟа аԥиҵеит. Амала, атемақәеи акомпозициақәеи еиҭаҭихуан: Мадонна аӡҟы ма дылгәыдкыланы дылкуп, мамзаргьы [[Иоанн Креститель|Иоанн Аӡӡаахҩы]] ивара дыхәмаруеит, аха “Мадоннақәа” зегьы индивидуалтәқәоуп, насгьы ирныԥшуа ан лыхаарақәа узеидкылом (иҟалап, иан заа лыԥсҭазаара дахьалҵыз Рафаель игәаҿы ашьҭа ӷәӷәа ааннажьзар). Рафаель ихьӡ-иԥша ахьеизҳауаз иабзоураны, азаказқәа рацәаны иоуа далагеит; иара «[[Мадонна Грандука]]» аԥиҵоит (1505), «[[Мадонна с гвоздиками|Мадонна агвоздикақәа кны]] » (1506 шықәса инарзынаԥшуа), «Мадонна абалдахин аҵаҟа» (1506-1508). Ари апериод иреиӷьыз аусумҭақәа рахь иаҵанакуеит «[[Мадонна Террануова]]» (1504-1505), «[[Мадонна со щеглом|Мадонна ашьхарҵыс кны]] » (1506), «Мадоннеи аӡҟи Иоанн Аӡӡаахҩи ([[Прекрасная садовница|Абаҳчааӡаҩ ԥшӡа]])» (1507-1508). === Римтәи аамҭа. Ватикан иусура === [[Файл:"The School of Athens" by Raffaello Sanzio da Urbino.jpg|мини|300px|[[Афинская школа|Афинатәи ашкол]]. 1510-1511 шықәсазы. Аҭыӡсахьа. Астанца делла Сениатура, Ватикан]] [[Файл:Liberazione di san pietro 05.jpg|thumb|200px|справа|Аԥшьа Пиотр аҳаԥсы аҟынтәи ихы иақәиҭтәра. Астанца д'Елиодоро асахьанҵа ахәҭаҷ. 1513-1514]] 1508 шықәса аҩбатәи абжазы Рафаель [[Рим]]ҟа нхара диасит (иԥсы ҭанаҵы уаҟа даанхеит), Браманте ицхыраарала апапа иаҳҭынраҿы аофициалтә сахьаҭыхыҩны дҟалеит. Рим ауп Рафаель аклассицистикатә [[Стиль (искусство)|стиль]] ахьаԥиҵаз, уи алоуп ҳаамҭазгьы иусумҭақәа злаудыруа. Уи атәы 1918 азы иналукааша австриатәи аҟазара аҭоурыхҭҵааҩы [[Дворжак, Макс|Макс Дворжак]] илекциақәа рҿы иазгәеиҭеит, уи «Римтәи астиль» ацәырҵра Рафаель «идеалтә типқәа» раԥҵара иадҳәалоуп ҳәа азгәаҭаны, Рафаель иклассицистикатә стиль «аманера ду» шьаҭас иамоуп ҳәа аликааит. Дворжак ари иуникалтәу астиль аҷыдара хадақәа иреиуоуп ҳәа иазгәеиҭеит «игармониатәу аидеал», иара убас « асахьаркыратә релиативизм»<ref> Дворжак М. История итальянского искусства в эпоху Возрождения. Курс лекций. В 2-х т. — Т. 2. XVI столетие. — М.: Искусство, 1978. — С. 49, 50 </ref>. [[Гращенков, Виктор Николаевич|В. Н. Грашьенков]]гьы ари ахшыҩҵак дадгылон, инаҵшьны иазгәаҭо, асахьаҭыхҩы ирҿиара хықәкыла римтәи апериод аан ауп «Рафаель аклассик иҭыԥ Рафаель аклассицист ианааникылаз» ҳәа<ref> Гращенков В. Н. Рафаэль. — М.: Искусство, 1971. — С. 172 </ref>. Рафаель иаԥҵамҭақәа рҿы, Перуџьинои Брамантеи рныррала, архитектуратә ргыларақәа ҭихуан — ацентртә хыбрақәа, акупол змоу аротондақәа, агьежьбжа змоу ахыбрагьагьақәа. Аҟазаратә стиль ҿыц шьаҭас иамаз «анатура аҭҵаара», ма «ажәытәӡауаа рыҿыԥшра» акәӡамызт,уаанӡа ишазгәарҭоз еиԥш, урҭ рыҩбагьы еицҵаны, аԥсабара иагу ашьахәрақәа абстракттә идеалк аҿаргыланы иаадырԥшуа иалагеит<ref> [[Власов, Виктор Георгиевич|Власов В. Г.]] Римский классицизм // Новый энциклопедический словарь изобразительного искусства. В 10 т. — СПб.: Азбука-Классика. — Т. VIII, 2008. — С. 175 </ref>. М. Дворжак иажәақәа рыла, асахьатә формақәа рестетикатә ҟазшьақәа Рафаель «аҵаки аԥсабара гәык ала азыҟазаареи иреиҳаны » иргылеит. Аестетика ҿыц шьаҭас иаман, акы, bellezza (аԥшӡара), ҩба, maniera grande (аманера ду), уи иаанаго {{Ацитата алагара}}“Аформақәа еиҳа идуны рааԥшра ада, ахәыцшьа ҳаракгьы: иаарԥшу аперсонажқәа иреиҳау абзазашьа ныҟәызго ракәны иҟазар ауп. Убри ауп изыбзоуроу дара рыртәашьа ԥагьагьы, зны-зынла атеатралра зныԥшуа, аха аҩныҵҟатәи ахақәиҭра знубаало, еилыххха иҟоу рнапҟьашьақәа. Аҭагылазаашьақәа атеатралтә ҟазшьа рымоуп, ахаҿсахьа иалоу аҳаҭырқәҵаратә доуҳа инақәыршәаны... аҩныҵҟатәи ахақәиҭреи аҳаҭырқәҵареи рыла иҭәуп... Ари астиль, иҟалап, зегь рыла ажәытәӡатәи атрадициа иахылҵыз акәзар, аха уеизгьы уи зынӡа иеиԥшым акы аанарԥшуан<ref> [[Дворжак, Макс|Дворжак М]]. История итальянского искусства в эпоху Возрождения. Курс лекций. В 2-х т. — Т. 2. XVI столетие. — М.: Искусство, 1978. — С. 49 </ref>{{Ацитата алгара}}. Рафаель иестетикатә кредо инагӡаны, еилыкка иааԥшуеит аграф [[Кастильоне, Бальдассаре|Бальдассар Кастильоне]] иахь ииҩыз еицырдыруа асалам шәҟәаҿы,[[Рим]]тәи [[Вилла Фарнезина]] аҟны аҟаза “[[Триумф Галатеи|Галатеа лтриумф]]” ҳәа изышьҭоу аҭыӡсахьа аус ахьадиулоз инамаданы.(1511ш) Аграф Рафаель иусумҭа гәахәара дула идикылеит, Галатеа лҭыхразы иҟаз амодель дазусҭадаз ҳәа диазҵааит, «аӡгьы» ҳәа ҭакс ианиоу даара иџьеишьеит. Рафаель 1514 шықәсазы Кастильоне аҭак изиҩит: {{Ацитата алагара}}«Галатеиа лтәы ҳҳәозар, сара схы ҟаза дууп ҳәа исыԥхьаӡарын, Шәара Ҳаҭыр зқәу исзышәыҩуа арҽхәаԥхьыӡ дуқәа рыбжак иадамзаргьы аҭыхымҭа ианыԥшуазҭгьы... Иара убасгьы ишәасҳәоит, аԥхәызба ԥшӡа лсахьа ҭысхырц азы, аԥшӡақәа рацәаҩны избар ауп, амала Шәара Ҳаҭыр зқәу уа шәыҟаны, уи лалхраҿы шәсыцхааруазар; Аха аӡбаҩ бзиақәеи аҳәса ԥшӡақәеи ахьмаҷу инамаданы, схаҿы иааиуа аидеиа ауп схы иасырхәо»<ref> Мастера искусства об искусстве. — В 7 т. — М.: Искусство, 1966. — Т. 2. — С. 156—157. Перевод А. И. Аристовой</ref>{{Ацитата алгара}}. Аха, Дворжак ишазгәеиҭаз ала, ас еиԥш иҟоу абстракттә идеалисттә цәырҵра иаарласны акризис ахылҿиааит. Аха XVI-тәи ашәышықәса алагамҭазы ари акризис макьана ирныруамызт. Апапа [[Юлий II|Иули II]] идҵала, насгьы Ватикан архитектор хада [[Донато Браманте]] иҟаиҵаз ажәалагалала, Рафаель адҵа иоуит Ватикантәи ауадақәа рҭыӡқәа асахьақәа рныиҵарц азы. {{Main|Рафаель истанцақәа}} “Рафаель истанцқәа” (италиа бызшәаҟынтә: Le Stanze di Raffaello, италиа Stanzа- ауада: [[Ватикан]] [[Апостольский дворец|Апапа ихан]] ахԥатәи аихагылаҿы иҟоу ԥшь-уадак рыла ишьақәгылоу [[анфилада]]. Анфилада идуқәам х-залк аҵанакуеит, иара убас еиҳа еиҳау еиҭа даҽакгьы, «Константин изал» ҳәа изышьҭоу. Раԥхьа « Астанца делла Сениатура» аҭӡамцқәа ҭыхын,( анапынҵамҭақәа ма аусԥҟақәа руада) Ари ауада иалкаау аҵак ду арҭон. Рафаель ԥшьы-хкыкны иҟоу ауаҩы интеллектуалтә усура аазырԥшуа акомпозициақәа аԥиҵит: адиндырра, аиуриспруденциа, апоезиа, афилософиа- « [[Диспута]]», (1508-1509), « Аҟәыӷара. Ахмырҟьацәареи Амчи»(1511), иара убас зегь иреиӷьӡақәоу «[[Парнас (фреска)|Парнас]]»(1509-1510), « [[Афинская школа|Афинатәи ашкол]]»(1510-1511). Аҭыӡсахьақәа зегьы иреиӷьу, ауадақәа рҿы зегь раасҭа еицырдыруа усумҭоуп ҳәа иԥхьаӡоуп « Афинатәи ашкол», -Аиҭарҿиара аамҭази, [[ренессанс|аренессанстә]] ҟазареи, Рафаель ирҿиамҭақәеи иреиӷьу аԥҵамҭа. Ахьӡ "Афинатәи ашкол" [[Беллори, Джованни Пьетро|Џьованни Пиетро Беллори]] иӡбеит 1672 ш. азы (Le vite de' pittori, scultori et architetti moderni). Аҭыӡсахьа ауада хәыҷы аҭӡамц зегьы ааннакылоит (8 х 10 м). Ашьаҭаҿы афреска аҭбаара: 7,7 м.ыҟоуп Рафаель иусумҭақәа ахаҭәаау «аидеалтә стиль» аҿырԥшы адырԥшуеит, уи иналукааша архитектор, «римнтәи аклассицизм» аԥҵаҩы [[Донато Браманте]] инырра ацхыраарала иҿиеит. Вазари излаиҳәо ала, Браманте иоуп аҭыӡсахьа архитектуратә фон авторс иамоу: ахыргьагьа агьежьбжа, Аполлони Минервеи рбаҟақәа рганқәа. Иџьашьахәу, иҳаракӡоу архитектура афон аҿы иубоит еиуеиԥшым агәыԥқәа рыла Рафаель еидикылаз ажәытәтәи афилософцәа. Афигурақәа апортреҭтә ҟазшьақәа рыҭан, насгьы Аиҭарҿиара аамҭазы инхоз ауаҩы урҭ аперсонажқәа ихааназтәи ауаа рхы-рҿқәа рнибаалон. Убас, [[Платон]] ихаҿсахьаҿы Леонардо да Винчи даарԥшуп, Микеланџьело (аҵыхәтәантәи акомпозициа далагалоуп) инкахәыцуа итәо [[Гераклит]] иакәны даарԥшуп, ациркуль зку [[Евклид]] Браманте исахьа имоуп, арыӷьарахьтәи аганаҿ игылоу [[Птолемей|Птолемеи]] даара Рафаель ихаҭа диеиԥшуп. Аахәаҩи аҟазеи ишырхәыцыз ала, ақьырсиантә [[неоплатонизм]] аидеиақәа инарықәршәаны, ас иҟоу аиԥшзаара ажәытәӡатәи афилософиеи [[теология|атеологиа]] ҿыци реизааигәара асимволра анаҭоит. Урыстәылатәи асахьаҭыхҩы [[Брюллов, Карл Павлович|К.П.Бриуллов]] 1824-1828 шықәсқәа рзы Санкт-Петербургтәи [[Императорская Академия художеств|Аҟазаратә Академиа]] акопиақәа рзал азы, Рафаель иҭыхымҭа «Афинатәи ашкол» акопиа, Италиа ахәшашәыгала ақәатәаҿы иҭихит. Аҭыӡсахьа «[[Диспута]]» (италиан бызшәала: La disputa del sacramento — Иԥшьоу ақьабз иазку аимак) -ақьырсиантә қьабз амаӡақәа ирызку аицәажәара акәӡам, уи ауахәама аҳаракра ауп изызку. Апапа [[Юлий II|Иули II]] иаԥшьигаз аиконографиатә программаҿы аҭыӡсахьа «Диспута» ихадоу акәны иҟоуп. Аҭыӡсахьаҿы иаарԥшу ахҭысқәа мҩаԥысуеит адгьыли ажәҩани рҿы. Ахыргьагьа дуӡӡа, иархитектуратәу ижәҩантәу, ҩ-дунеик еиднакылоит: адгьыли ажәҩани. Амардуанҿаԥса ҭбаақәа аныҳәарҭахь унаргоит. Рафаель икомпозициа «[[Парнас (фреска)|Парнас]]» («Апоезиа»; ахьӡ «Парнас» цәырҵит XIX-тәи ашәышықәсазы) Рафаель, «Диспутеи» «Афинатәи ашколи» рыбжьара ауада мраҭашәаратәи аган аҿы аҭыԥ ылихит. Апоезиа аллегориа аҟаза иаамҭазы иҟаз агуманитартә ҵара ишаҳәоз ала иааирԥшит, [[Франческо Петрарка|Ф.Петрарке]]и, [[Джованни Боккаччо|Г.Боккаччо]]и, [[Салютати, Колюччо|К.Салутати]]и ридеиақәа инарықәршәаны. «Парнас» аҟны [[Аполлон]] жәаҩык [[Музы|амузақәа]] дрыцны даарԥшуп, еицырдыруа жәааҩык ажәытәӡатәи абырзентә, римтәи, италиатәи апоетцәа дрыгәҭылакны. Абырзен, алаҭын, италиатәи аперсонажқәа реилаӡҩара апоезиа иарҭоз аренессанстә ҵакы иалкаау атеологиа ицәырнаго агәацԥыҳәара иақәшәоит<ref> [[Власов, Виктор Георгиевич|Власов В. Г.]]. «Парнас» // Власов В. Г. Новый энциклопедический словарь изобразительного искусства. В 10 т. — СПб.: Азбука-Классика. — Т. VII, 2007. — С. 181 </ref>. Вазари ари акомпозициа иазкны инарҭбааны иҩуеит, аха хыхь-хыхьла: «Убас, Бельведер иаҿаԥшуа аҭӡамц аҿы Парнаси Геликонтәи аӡыхьи ахьыҟоу, ашьха ақәцәани анаарақәеи рҿы адаԥа ҵлақәа рбаҳча ҭихит, урҭ рыбӷьы иаҵәақәа аԥша ҟәымшәышә ишарҵысуа уныруеит,аҳауаҿы - ҵыхәаԥҵәара змам хыԥхьаӡара рацәала зцәа-зжьы хту акупидонқәа, рхы-рҿы ԥшӡақәа аартны, адаԥа амахәҭақәа хырҵәоит, авенокқәа ҟарҵоит, урҭ ахәада зегьы аҟны ирыԥсаҟьоит, ара иҟоу зегьы ииашаҵәҟьаны анцәа иԥсы рхоуп - афигурақәа рыԥшӡарагьы, аҿыханҵа ахазынарагьы. Урҭ ирыхәаԥшуа иџьеимшьар залшом, ауаҩытәыҩсатә гени, ашәыгақәа шыхазынамгьы, асахьа ашьахәра иабзоураны аҭыхымҭа аԥсы ахоушәа аҟаҵара злаилшаз<ref name="Вазари"/>. Аԥхын, 1511ш шықәсазы апапцәа раудиенциазы Рафаель напы аиркит Станца д-Елиодоро аҭыӡсахьақәа рескизқәа (аҭыӡсахьақәа руак ахьӡ ахҵан) Аҭыӡсахьақәа рпрограммаҿы иаарԥшуп, ауахәама аҭоурых иалкаау амоментқәа рзы Анцәа иаиҭоу ахьчара аидеиа, хықәкылатәи асиужетқәа адгьыл аҿы имҩаԥысуа ахҭысқәа Анцәа имч џьашьахә аҽшаланагалоу иазкуп. Ԥшь-композициак иаадыԥшуеит: «Илиодор аныхабаа аҟынтә иқәцара» (1511ш–1512), «Болсенатәи амесса» (1512), «Аԥшьа Пиотр аҳаԥсы аҟынтә ихы иақәиҭтәра » (1513–1514), «Лев Дуи Аттилеи реиԥылара» (1514). Акомпозициа “[[Изгнание Илиодора|Илиодор аныхабаа аҟынтәи иқәцара]]” (италиан бызшәала: Cacciata di Eliodoro dal Tempio) аҭыӡсахьа “Афинатәи ашкол” угәаланаршәоит, аха Рафаель индивидуалтә стиль аеволиуциа аазырԥшуа аекспрессиеи адинамикеи рыла иалкаауп. «[[Месса в Больсене|Больсенатәи амесса]]» (италиан бызшәала: Messa di Bolsena),ақьырсиантә традициа инақәыршәаны, 1263 шықәсазы Рим аҩадахьы иҟоу ақалақь хәыҷы Больсена имҩаԥысыз ахҭыс џьашьахәы ауп. Амесса мҩаԥызгоз апап қәыԥш Евхаристи иԥшьоу амаӡа агәра игомызт — ачеи аҩи Қьырса ицәеижьи ишьеи реиԥш ишыԥшьоу агәыҩбара изцәырнагон. Аныҳәа аан агостиа анышьҭырх [[антиминс]] аҿы хә-ҭыԥк рыҟны ашьа ааит. Абри асиужет иадҳәалоуп аҭыӡсахьа “[[Диспута]]” Станца делла Сениатура аҟны. Акомпозициа «Больсенатәи амесса» аҿы Рафаель Апапа Иули II аныҳәарҭаҿы «Больсенатәи аџьашьахәы» шаҳаҭс дшаиоуз ааирԥшуеит. Аҭыӡсахьа «[[Освобождение Святого Петра из темницы (фреска Рафаэля)|Аԥшьа Пиотр аҳаԥсы аҟынтәи ихы иақәиҭтәра]]» (италиан бызшәала: La Liberazione di San Pietro dal Carcere) (1513-1514) ҟазара дула иҭыхуп. Аиудеиаа раҳ Ирод Агриппа идҵала Апостол Пиотр аҳаԥсы дҭакын. Аусӡбара ҟалараны ианыҟаз ауха, Анцәа илашара дагәҭылакны Амаалықь даацәырҵит, Пиотр дирҿыхеит, ишьамҭлаҳәқәа ихыхны, ицәаз асолдаҭцәа дрывганы аҳаԥсы дҭигеит. Ари акомпозициаҿы Рафаель усҟантәи ашықәсқәа рзы даара имаҷны рхы иадырхәоз аметод ихы иарихәеит: еишьҭаргыланы еидҳәалоу х-епизодк еидикылеит. Агәҭаны амаалықь ицәоу Анцәа ицҳаражәҳәаҩ инапы ихьысуеит. Арымарахь ала, ахьчаҩцәа ирбаз иԥсабаратәым алашара иаршәаҟьан иҩны ицоит. Акомпозициа арӷьарахьтәи аган аҟны амаалықь — Аиҭарҿиара аамҭазтәи аҟазараҿы зегь раасҭа иԥшӡоу афигәрақәа руаӡәк — Пиотр аҳаԥсы дҭигоит. Акомпозициа “[[Пожар в Борго|Борго иҟалаз абылра]] ” (италиан бызшәала: Incendio di Borgo) (1514) аҟны, ари ауадаҿы иаԥҵоу аҭыӡсахьақәа рҟынтәи “Борго абылра астанца” аҿы Рафаель инапы еиҳа иуныруеит, аха Микеланџьело ду иҟынтәи иаагоу амотивқәагьы убоит. Алегенда изларҳәо ала, 847-тәи ашықәсазы Борго (Римтәи апапа ихан иазааигәоу аҭыԥ) абылра ҟалеит, уи еиҳа-еиҳа аҽарӷәӷәон Папа Леон IV Ватикантәи ихан абарҵаҿы дцәырҵны амца ааникылаанӡа. Ари акомпозициаҿы иубарҭоуп ихазынан иҭыху афигәрақәа рацәаны. Арӷьарахь, зныкымкәа асахьаҭыхҩцәа аӡәырҩы иҭырххьаз, аӡы зҭоу аԥҳал зку аԥҳәыс лфигура, агәҭаны - аԥҳәыс лнапқәа шьҭыхны, иара убас аҭӡы ахалара зҽазызшәо арԥыс. Армарахь ала Енеи, амца зку аҩны аҟынтә иаб абырг Анхис иҟәаҟәа дықәҵаны далигоит. Ари ахаҿсахьақәа ргәыԥ иунарбоит асиужет Вергили ипоема "Енеида" аҟынтә ишааагоу, Троиа иҟалаз абылра атәы ахьааирԥшуа. Акыраамҭа иныҟәарақәа рышьҭахь Енеи Италиа иҳәынҭқарра шьақәиргылеит. Убри аҟнытә иара Рим ашьаҭаркҩцәа дыруаӡәкны дыԥхьаӡоуп. “Борго абылра астанца ” — аҵыхәтәантәи уадоуп, Рафаель иҭыӡсахьақәа ахьубарҭоу. Анаҩс аҭыӡсахьақәа рыҟаҵара ицхырааҩцәа ирыдҵан: Џьулио Романо, Џьован Франческо Пенни, Џьованни да Удине уҳәа убас иҵегьы. Уи аамҭазы Рафаель апапа акрызҵазкуа егьырҭ идҵақәа инапы рылакын: Сикстинтәи акапелла аҭӡамцхҟьақәа рзы акартонқәа рыҟаҵара, насгьы Аԥшьа Пиотр ибазилика аргылара хылаԥшра аиҭон, уи аҭыԥ 1514 шықәсазы Браманте иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь иоуит. Аԥшьбатәи ауада- « Константин изал»-Рафаель иҵаҩцәа роуп аҭыӡсахьақәа анызҵаз. [[Файл:Pope Julius II.jpg|thumb|left|Апапа Иули II ипортреҭ. 1511ш. Амҿы, ахәшашәыга. Амилаҭтә галереиа, Лондон]] '''Аҭӡамцхҟьақәа рсериа " Иԥшьоу ацҳаражәҳәаҩцәа русқәа"" 1514 шықәса анҵәамҭазы, Апапа [[Лев X|Леон X]], ихьӡ Ватикантәи [[Сикстинская капелла|Сикстинтәи акапелла]] иадиҳәаларц иӡбеит,уи азы аҭӡамцхҟьақәа рзы акартонқәа<ref> Так называли в Италии тканые ковры по главному центру производства шпалер в XV веке во французском городе Аррас </ref> азаказ ҟаиҵеит [[Деяния святых апостолов|Иԥшьоу ацҳаражәҳәаҩцәа русқәа]] » рышәҟәы асиужетқәа рыла, акапелла арԥшӡаразы. Жәа ҭӡамцхҟьак рыла ( ганцыԥхьаӡа хәба-хәба) акапелла аганахьтәи аҭыӡқәа ҵаҟатәи рыхәҭа ырԥшӡатәын. Урҭ рсиужетқәа Аевангелиеи иԥшьоу ацҳаражәҳәаҩцәа рышәҟәи рҟынтәи иааган, Аԥшьацәа Пиотри Павели рҭоурых аҟынтәи, иара убас апрограмма инақәыршәаны Қьырсеи Моисеи рҭоурыхқәа еиҭазҳәоз, флоренциатәии умбриатәии асахьаҭыхҩцәа 1481-1483 шш.рзы Сикстинтәи акапеллаҿы иҭырхыз аҭыӡсахьақәа иреиԥшын. Апапа игәҭакы инақәыршәаны, аҭӡамцхҟьақәа еидыркылар акәын Ацҳаражәҳәацәа рҭоурыхи адунеи аԥҵара инаркны Анцәа ауаа ирзынижьыз раԥхьатәи ауасиаҭ аҟынӡа (Моисеи изакәан аҩыраӷәы) аҭоурыхи, иара убас [[Микеланџьело|Микеланџьело]] акапелла аплафон аҿы иҭихыз (1508-1512), Иаса Қьырса ацҳаражәҳәаҩ Пиотр « ацаԥхақәа иҭара», насгьы апапцәа рҭоурыхи еиднакылар акәын. Аныҳәатә хҭысқәа анымҩаԥысуаз акапеллаҿы аҭӡамцӡхҟьақәа кнарҳауан. Уажәы урҭ хазы азалаҿы ицәыргақәҵоуп Рафаель еиҳа ихьшәаны иаԥиҵаз асахьақәа инарыцны: [[Мадонна ди Фолиньо]] (1511-1512), «Мариа агәыргьын лхаҵара» (1502-1504) иара убас «Аҽеиҭакра» (1519-1520) [[Ватиканская пинакотека|Ватикантәи Пинакотека]]ҿы, (еиҭныԥсахло, еснагь жәаҩык рҟынтә бжьба). Акапелла ахаҭа аҿы, урҭ рҭыԥан, аҭыӡсахьа атехника ахархәарала «аԥардақәа» иреиԥшны иҭыхуп. Ари асериа иаҵанакуеит абарҭ асиужетқәа: «Листра имҩаԥгаз аԥсаҭара» (Sacrificio di Listra), «Ацыркь ихәшәтәра» (Guarigione dello storpio), «Саул идинхаҵара аиҭакра» (Conversione di Saulo), «Елима лылашәхара» (Punizione di Elima), «Ацаԥхақәа рыҭара», « Иԥшьоу Стефан ахаҳәқәа игәыдҵара» (Lapidazione di santo Stefano), «Павел Афины иҟаиҵаз абжьагажәа» (Predica di san Paolo), «Иԥшьоу Павел аҳаԥсаҿы» (San Paolo in carcere), «Ананиа иԥсра» (Morte di Anania), «Иџьашьахәу аԥсыӡкра» (Pesca miracolosa). Ари аус аҿы аҟаза ицхраауан иҵаҩцәа [[Романо, Джулио|Џьулио Романо]]и [[Пенни, Джанфранческо|Џьованни Франческо Пенни]]и, аха асахьаҭыхымҭақәа зегьы Рафаель ихаҭа иаԥиҵеит<ref> Pierluigi De Vecchi. Raffaello. — Milano: Rizzoli, 1975. — Р. 113 </ref>. Аҭӡамцхҟьақәа ҟаҵан 1517-1519 шықәсқәа рзы [[Брюссель|Бриуссель]] ақалақь аҟны, [[Кук ван Альст, Питер|Питер Кук ван Альст]] имануфактураҿы аҿы [[Орлей, Бернарт|Бернарт ван Орлеи]] далархәны. Раԥхьаӡа 5 м аҩаӡара змаз 7 уарҳалк ҟарҵеит, урҭ роура еизакны 42 м ыҟан<ref> Большая иллюстрированная энциклопедия древностей. — Прага: Артия, 1980. — С. 62 </ref>. Аҭӡамцхҟьақәа рзы абордиурқәа ҟаҵан фламандиатәи [[барокко|абарокко]] астиль ала, [[Ван Дейк, Антонис|Антонис Ван Деик]] иҭыхымҭақәа инарықәыршәаны. Асра знапы алакыз аҳ Иаков I иааиԥхьахьаз афламаниадтәи аҟазацәагьы ракәын<ref> [[Власов, Виктор Георгиевич|Власов В. Г.]]. «Деяния апостолов» // Власов В. Г. Новый энциклопедический словарь изобразительного искусства. В 10 т. — СПб.: Азбука-Классика. — Т. III, 2005. — С. 419 </ref>. Аҭӡамцхҟьақәа ирну афигурақәа рҿы иубарҭоуп Микеланџьело «истиль ҳарак» анырра, иара убас, [[Станцы Рафаэля|Ватикантәи астанца]]ҿы Рафаель иҟаиҵаз «Борго иҟалаз абылра» ҳәа изышьҭоу аҭыӡсахьаҿгьы. Асериа ақәҿиара ду аиуит, иара акырынтә еиҭаҭырхит, Франциа [[Мануфактура Гобеленов|Гобеленаа]]и [[Мануфактура Бове|Бове]]и рмануфактурақәа рҿгьы. Акардинал Ерколе Гонзага 1548 шықәсазы Бриуссельтәи асыҩцәа ари асериа иақәҭырхырц дҵаны ириҭеит. 1563 шықәсазы, иара даныԥсы ашьҭахь, аҭӡамцхҟьақәа Мантуатәи агерцог [[Гульельмо I Гонзага|Гулельмо I Гонзага]] изынижьит. Уажәы урҭ Венециа адожқәа раҳҭынра аҟны «Агобеленқәа руадаҿы» иҟоуп<ref> Pierluigi De Vecchi. La Cappella Sistina. — Milano: Rizzoli, 1999. ISBN 88-17-25003-1 </ref>. Аҭӡамцхҟьақәа рзы акартонқәа 1623ш азы иааихәеит шьҭралатәи апринц, Англиа иаҳхараны иҟаз Чарльз I. Аҳ данԥсы ашьҭахь, аҳҭынратә мазара аҭираҿы, акартонқәа Кромвел иаахәеит, урҭ Уаитхолл абанкеттә зал аҿы акәалаԥқәа ирҭаҵәахын. Амонархиа аиҭашьақәыргылара ашьҭахь, аҳ иҭаацәара раҳратәрахьы ихынҳәит. Аграфство Сиурреи иҟаз Мортлеик амануфактураҿы еиуеиԥшым асериа ҿыцқәа раԥҵаразы акартонқәа рхы иадырхәеит. Анаҩс урҭ [[Хэмптон-Корт|Ҳемптон-Корт]] аҳҭынраҿы иҟаз иҷыдоу агалереиа иҩанрҵеит, уаҟа урҭ 1813 шықәсанӡа иҟан. Анаҩс дара [[Букингемский дворец|Букингемтәи аҳҭынра]]ҿы иҵәахын. 1865 ш инаркны еиқәхаз акартонқәа быжьба [[Лондон]], [[Музей Виктории и Альберта|Викториеи Альберти рыхьӡ зху амузеи]] ахь ииаргеит. "Рафаель илоџьиа" [[Файл:President Trump's Trip Abroad (34079021263).jpg|thumb|220px|left|Ватикан иҟоу Ацҳаражәҳәаҩцәа рхан аҿы "Рафаель илоџьиақәа". 1508-1519 шықәсазы. Архитектор Д. Браманте ипроект. Рафаель Санти иҵаҩцәа рсахьақәа]] 1508 шықәсазы Апапа Иули II архитектор Донато Браманте дҵас ииҭеит [[Апостольский дворец|Апапа ихан]] хыхьтәи аихагылаҿы [[Лоджия|алоџьиа]] еиԥшу агалереиа иргыларц, уантәи Наӡаӡатәи ақалақь уахәаԥшлартә еиԥш. Архитектор аусура далагеит, аха 1514 шықәсазы дыԥсит, аргыларақәа ирыциҵеит Рафаель Санти. «Рафаель илоџьақәа» аамҭа анца дара ус рыхьӡырҵеит, архитектура аҭоурых аҿы XVI-тәи ашәышықәса алагамҭазы иҟаз «римтәи аклассицизм» аҟазара аканонтә ҿырԥштәны иҟалеит. Еиԥшыз жәаха секциа еиҟараны иахьеизшаз, ахаргьагьақәа, апилисатрқәа иаку аритм змоу, еиҿкаау ракәны иааԥшуеит. Аҭӡамцқәа, ахыгьагьақәа, апиластрқәа1517-1519 шш.рзы рсахьа ҭырхуан Рафаель иҵаҩцәа: [[Перино дель Вага]], [[Джулио Романо|Џьулио Романо]], [[Джованни да Удине|Џьованни да Удине]], [[Пенни, Джанфранческо|Франческо Пенни]], [[Рафаэллино дель Колле|Рафаеллино дель Колле]]. Ахагьагьақәа рыҟәшақәа зегьы рҿы Рафаель Ауасиаҭ Ҿыц атемала асиужеттә композициақәа ԥшьба ҭихит. Егьырҭ (ҩажәи жәаа Ажәытәтәи Ауасиаҭ атемала) иаанхаз аҭыԥ [[Гротеск (орнамент)|агротесктә]] [[орнамент|рԥшӡагақәа]] рыла иҵаҩцәа ихадырҭәааит. 1783 ш инаркны 1792 шықәсанӡа [[Санкт-Петербург]] аимператрица [[Екатерина II|Екатерина аҩбатәи]] лзаказала, [[Большой Эрмитаж|Аермитаж Ду]] ахыбраҿы архитектор [[Кваренги, Джакомо|Џьакомо Кваренги]] Рафаель [[Фреска|иҭыӡсахьақәа]] ркопиақәа рыла агалереи аԥиҵеит, Ватикантәи апапа иаҳҭынра ахыбрагьы аазырԥшуа. Уаанӡа гәыԥҩык асахьаҭыхҩцәа (. [[Хаккерт, Якоб Филипп|И. Ф. Хаккерт]], Д. В. Анджелони, [[Петер, Уильям|У. Петер]] уҳәа) 1778 шықәсазы Рим Рафаельи иҵаҩцәеи рҭыӡсахьақәа ркопиа аҟаҵара иалагеит. Аусурақәа напхгара рырҭон [[Унтербергер, Христофор|Х. Унтербергер]]ти [[Раффенштайн, Иоганн Фридрих|И. Ф. Раффенштайн]]и. Акопиақәа ақәатәақәа рҿы иҟаҵан, анаҩс урҭ еикәарҳәны Санкт-Петербургҟа иааргеит. [[Новый Эрмитаж|Аермитаж Ҿыц]] ахыбра андыргылоз, алоџьиақәа 1778-1787 шш рзы еиқәырханы иҟан, урҭ мраҭашәаратәи агалереиа аҩбатәи аихагылаҿы иҟан. 1515 шықәсазы [[Северное Возрождение|Аҩадатәи Аиҭарҿиара]] аамҭазы иналукааша аҟаза [[Дюрер, Альбрехт|Альбрехт Диурер]] Римҟа дааит. Уи Ватикантәи астанцақәа гәеиҭон. Рафаель исахьаҭыхымҭа ииҭеит, уи аҭакс анемец сахьаҭыхҩы Рафаель изааишьҭит ихатәы портреҭ, амала иара анаҩстәи аԥеиԥш еилкаам. === Римтәи аамҭазы иҟаз аныҳәарҭақәеи «Мадоннақәеи» === [[Файл:Transfiguration Raphael.jpg|мини|[[Преображение (Рафаэль)|Аҽеиҭакра]]. 1516-1520 шықәсазы. Амҿы, атемпера. Пинакотека, Ватикан]] Ватикан аусутә рацәаны ишимазгьы, Рафаель аныҳәарҭақәа рсахьақәа рҭыхразы ауахәамақәа рҟынтә азаказқәа наигӡон,: «Аԥшьа Цецилиа» (1514-1515), «Аџьар аныҟәгара» (1516-1517), «[[Иезекииль (пророк)|Иезекииль]] илаԥшҵашәара» (1518 шықәса инарзынаԥшуа). Рафаель жәа сахьак инарзынаԥшуа «Амадоннақәа» Рим иҭихит. Арҭ аԥҵамҭа ҳаракқәоуп ҳәа иԥхьаӡоуп, ркомпозициа еилыкка иҟоуп: «[[Мадонна Альба]]» (1510), « [[Мадонна с рыбой|Аԥсыӡ зку Мадонна]]»,( 1512-1514), « [[Мадонна в кресле|Акресло иқәтәоу Мадонна]]», ( 1513-1514) инарзынаԥшуа. {{Main|Аҽеиҭакра (Рафаель)}} Аҟаза аҵыхәтәантәи [[шедевр|иусумҭа дуӡӡа]] "[[Преображение (Рафаэль)|Аҽеиҭакра]]" (1516-1520) ауп, уи асахьаҿы аҷыдара ҿыцқәа убарҭоуп. Хыхьтәи ахәҭаҿы Рафаель, [[Аевангелие|Аевангелие]] инақәыршәаны, Фавор ашьхаҿы ацҳаражәҳәаҩцәа [[Апостол Пётр|Пиотр]]и, [[Иаков Зеведеев|Иаков]]и, [[Иоанн Богослов|Иоанн]]и рҿаԥхьа Қьырса иҽеиҭакра џьашьахәы ааирԥшуеит. Ацҳаражәҳәаҩцәеи аџьныши ахьаарԥшу асахьа ҵаҟатәи ахәҭа,Рафаель иескизқәа рыла Џьулио Романо иҭихит. Мшаԥымза 6, 1520 шықәсазы Рафаель иԥсҭазаара даналҵ, мышқәак, [[Борго (район)|Борго]] иҩны аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагара рҽаназыҟарҵоз, ихыркәшамыз асахьаҭыхымҭа «Аҽеиҭакра» аԥсы ихаҿы игылан<ref>{{Cite web |url=http://www.nerone.cc/nerone/archivio/arch89.htm |title=Nerone Tours of Italy {{!}} Tours of Rome Florence Venice Naples Pompeii<!-- Заголовок добавлен ботом --> |access-date=2016-10-14 |archive-url=https://web.archive.org/web/20101126154319/http://nerone.cc/nerone/archivio/arch89.htm |archive-date=2010-11-26 |url-status=dead }}</ref>. Рафаель данԥсы ашьҭахь мчыбжьык анҵы, Ватикан асахьаҭыхымҭа « Лазарь Иԥсаҭалара» азааигәара «Аҽеиҭакра» кнарҳаит. [[Файл:RAFAEL - Madonna Sixtina (Gemäldegalerie Alter Meister, Dresde, 1513-14. Óleo sobre lienzo, 265 x 196 cm).jpg|мини|слева|Сикстинтәи Мадонна. 1512-1513 шықәсазы. Ақәатәа, ахәшашәыга.. Ажәытәтәи аҟазацәа ргалереиа, Дрезден]] {{Main| Сикстинтәи Мадонна}} Рафаель иаԥҵамҭақәа зегь раасҭа иссиру ауп еицырдыруа "[[Сикстинская мадонна|Сикстинтәи Мадонна]]" (1512-1513), уи [[Дрезден]]тәи [[Галерея старых мастеров|Ажәытәтәи аҟазацәа ргалереиа]]ҿы 1754ш. инаркны иҟоуп. Шәагаала идуӡӡоу асахьаҭыхымҭа Рафаель иаԥиҵеит [[Пьяченца|Пиаченце]] иҟоу, [[Сикст II|иԥшьоу Сикст аҩбатәи]] иуахәама аныҳәарҭазы. Азаказ ҟазҵаз делла Ровере аҭаацәара ирылиааз, [[Папство|апапа]] [[Юлий II|Иули аҩбатәи]] иоуп. ( Иԥшьоу Сикст делла Ровере рҭаацәара дырхылаԥшуан ҳәа ԥхьаӡан) Асахьа акомпозициа иаанарԥшуеит аҟаза хаҭалатәи ихәыцшьа аеволиуциа. «Заатәи Мадоннақәа» рҿы Рафаель Умбриатәи апеизаж афон аҟны аӡӷабцәа ԥшӡақәа рсахьа ҭихуан. Асахьа [[Мадонна Грандука]] аҿы, иара апеизажтә фон инеитралтәу еиқәаҵәоу, зынӡа еиқәаҵәоу уҳәаргьы ауеит ала иԥсахит,аӡҟы дыкны иналымариашаны игылоу Мариа, Рафаель хагәҵәылатәи аформат дҭаикит. Анаҩс Рафаель абжьаратәи ашәышықәсақәа рзы иҟаз аиератикатә композициақәа рахь дхынҳәызшәа ҟаиҵеит, ахәҭакахьала, [[Одигитрия|Одигитриа]] византиатәи ахкы ахь<ref> [[Власов, Виктор Георгиевич|Власов В. Г.]] Сикстинская Мадонна // Новый энциклопедический словарь изобразительного искусства. В 10 т. — СПб.: Азбука-Классика. — Т. VIII, 2008. — С. 759—760 </ref>. Асахьа акомпозициа традициала [[Святое Собеседование|Иԥшьоу Аицәажәарақәа]] [[Иконография|рныхаҩыра]] иадырҳәалоит, избан акәзар аӡҟы дызку Мадонна илымҵахырхәо аԥшьацәа дрыгәҭылакны даарԥшуп. Уи еиԥшу акомпозициа змоу Рафаель егьи исахьагьы, “Мадонна ди Фолинио” (1511-1512), официалла “Sacra Conversazione” ҳәа иашьҭоуп, насгьы уи “Сикстинтәи Мадонна” шьаҭас иаиуит ҳәа иԥхьаӡоуп, уигьы “аицәажәарақәа” ртрадициа иаҵанакуеит<ref> Pierluigi De Vecchi. Raffaello. — Milano: Rizzoli Editore, 1975. — Р. 108—109 (№ 97, 105) </ref>. XVIII-тәи ашәышықәсазы, алегенда рылаҵәеит (аҭоурыхтә документқәа рыла ишьақәырӷәӷәам) Мадонна лзы модельс дҟалеит Рафаель бзиа иибоз, жәибжь шықәса зхыҵуаз ачаӡҩы иԥҳа Маргарита Лути ҳәа. Рафаель уи [[Форнарина]] лыхьӡиҵеит (италиантәи fornaro - ачаӡҩы). [[Сикст II|Аԥшьа Сикст]] ипрототип иакәын Апапа Иули ([[Сикст IV]] иашьа иԥа), [[Варвара Илиопольская|Аԥшьа Варвара]] лзы- иаҳәшьаԥҳа [[Орсини, Джулия|Џьулиа Орсини]]. Апапа дышиеԥшыз [[Кавальказелле, Джованни Баттиста|Џь.Б.Кавальказелле]]и егьырҭ аӡәырҩи иазгәарҭеит, насгьы иԥшьоу Варвара лпрототип азы Лукрециа делла Ровере лыхьӡгьы рҳәон, апонтифик иаҳәшьаԥҳа<ref> Putscher M. Raphaels Sixtinische Madonna. Das Werk und seine Wirkung. — Tübingen: Hopfer Verlag, 1955. — Р. 38 </ref>. Асахьаҭыхымҭа Мраҭашәаратәи аҟазара иреиҳау [[шедевр|ашедеврқәа]] иреиуоуп ҳәа зегьы еицҿакны иазгәарҭоит, зегь раԥхьаӡа иргыланы [[Композиция (изобразительное искусство)|акомпозициа]] ауадаҩразы, абырзен-римтәи, аԥшӡара [[идеал|аидеал]]и ақьырсиантә цәаныррақәеи рконтаминациа агармониазы. Асахьа изызҭыхыз аҭыԥ ԥшьа (Пиаченца иҟоу Сан-Систо аберҭыԥ) иаҟәыганы, уи асахьақәа ргелереиахь аиагара XVIII-тәи ашәышықәса аинтеллектуалцәа рыбжьара ахәыцра ҵаулақәа цәырнагеит<ref> Gazzola Е. La Madonna Sistina di Raffaello. Storia e destino di un Quadro. — Macerata: Quodlibet, 2013. — ISBN 9788874625246 </ref>. === Апортреҭқәа === [[Файл:Baldassare_Castiglione,_by_Raffaello_Sanzio,_from_C2RMF_retouched.jpg|мини|[[Портрет Бальдассаре Кастильоне|Балдассаре Кастильоне ипортреҭ]]. 1514-1515 шықәсазы. Ахәшашәыга, ақәатәа. Лувр, Париж]] Ауахәамақәа рыдҵала хыԥхьаӡара рацәала иҭихуаз аусумҭақәа рыдагьы, Рафаель апортреҭтә жанр алагьы ирацәаны аус иуан. 1512 шықәсазы иҭихит «Апапа Иули II ипортреҭ». Џь. Вазари иазгәеиҭон: «Иара убри аамҭазы, даара дшеицыдыруазгьы, аҟаза ахәшашәыгала апапа Иули ипортреҭ ҭихит. Асахьа апапа даара иеиԥшын, аԥсы ҭазшәа иҟан. Уи збоз зегьы, апапа иԥсы ҭаны раԥхьа дгылошәа, ргәы хыҭ-хыҭуа иалагон<ref name="Вазари"/>. Апапа икуриа адҵала иҭыхын «Акардинал Алессандро Фарнезе ипортреҭ» (1512 шықәса инарзынаԥшуа), «[[Портрет Льва X с кардиналами Джулио Медичи и Луиджи Росси|Лев Х ипортреҭ, акардиналцәа Џьулио Медичии, Луиџьи России иваргыланы]]» (1517-1518 шықәса инарзынаԥшуа). Абарҭ аусумҭақәа рҟынтәи иалкаауп [[портрет Бальдассаре Кастильоне|Балдассаре Кастильоне]] (1514-1515) ипортреҭ. Акыр шықәса рышьҭахь, ари апортреҭ акопиа [[Рубенс]] иҭихуеит. [[Рембрандт]] раԥхьа уи асахьа ҭихуеит, анаҩс, асахьа анырра инаҭаз иабзоураны, иара ихатәы “[[Автопортрет Рембрандта (1640)|Автопортреҭ]]” ҟаиҵоит. Астанцақәа рҿы аус анимуаз аамҭазы, Рафаель «[[Портрет Биндо Альтовити|Биндо Альтовити ипортреҭ]]» ҭихит (1515 шықәса инарзынаԥшуа). Аҵыхәтәаны Рафаель ихы ҭихит «Ахатәыпортреҭи сҩызеи» (1518-1520) аҟны, аха асахьаҿы Рафаель инапы зыжәҩа иқәиҵаз дарбан ҩызоу иахьагьы еилкааӡам; аҵарауаа зыгәрагара уадаҩу аверсиақәа рацәаны иаадырԥшуеит. === Авилла Фарнезина === {{Main|Авилла Фарнезина}} {{Main|Галатеиа лтриумф}} [[Файл:Raffael 012.jpg|мини|слева| Галатеиа лтриумф. 1511ш. "Галатеиа ллоџьиа". Вилла Фарнезина, Рим]] Абанкир, аҟазара ахылаԥшҩы [[Киджи, Агостино|Агостино Киџьи]] [[Тибр]] аԥшаҳәаҿы авилла иргылеит, уахь Рафаели иҵаҩцәеи ааԥхьара риҭеит ажәытә мифологиа асиужетқәа рыла аҭыӡсахьақәа ҭырхырц азы. Абасала, 1511 шықәсазы «[[Триумф Галатеи|Галатеиа лтриумф]]» захьӡу аҭыӡсахьа цәырҵит. Уаанӡа авилла ианыз асахьақәа Рафаель ихаҭа иусумҭақәаны иԥхьаӡан: «Рафаель абри аҭыӡсахьаҿы аԥаимбарцәеи асивиллақәеи рсахьа ҭихит. Уи иара иаԥҵамҭақәа иреӷьу ҳәа иԥхьаӡоуп, иреиӷьқәоу иреиӷьу. Ииашаҵәҟьаны, уа иану аҳәсеи ахәыҷқәеи рыԥсы ҭазшәа иҟоуп, насгьы ихырку аколорит ала иалукаауеит. Ари аусумҭа иара иԥсы анҭазгьы ахьӡ-аԥша ду изаанагахьан, иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахьгьы иара убас<ref name="Вазари"/>. Аамҭа анца, еилкаахеит, ирацәаӡаны азаказқәа ахьимаз азы, зегь раԥхьаӡа иргыланы, [[Собор Святого Петра|Аԥшьа Пиотр иныхабаа]] аргылара иадҳәалаз аусқәа, Ватикан [[Станцы Рафаэля|астанцақәа]] рҭыӡсахьақәа рҭыхра, уҳәа Рафаель ицхырааҩцәа аҭыӡсахьақәа аус рыдулара рыдиҵо далагеит.Убри аан, азыҟаҵаратә ҭыхымҭақәа рыбжеиҳарак иара Рафаель ихахьы игон, аҭыӡсахьақәа егьырҭ иҟарҵон. Авилла Фарнезина аҿы аус руан иҵаҩцәа: [[Романо, Джулио|Џьулио Романо]], [[Себастьяно дель Пьомбо|Себастьиано дель Пиомбо]], [[Пенни, Джанфранческо|Франческо Пенни]], [[Содома]]. XX-тәи ашәышықәса агәҭаны имҩаԥгаз аҭыӡсахьақәа рреставрациа ашьҭахь еилкаахеит « Галатеиа лтриумф» аҭыӡсахьа еиҳа ихадоу ахәҭақәа иара Рафаель ихаҭа ишҭихыз, егьырҭ- Џьулио Романо<ref> Pierluigi De Vecchi. Raffaello. — Р. 105 </ref><ref> Bajard S., Bencini R. Roms. Paläste und Garten. Paris: Terrail, 1997. S. 15-22 </ref>. «Александр Македонскии Роксанеи рчара» акомпозициа авилла аҩбатәи аихагылаҿы [[Содома]] иаԥиҵеит, ахқәа иалкаау рыхәҭақәак-Рафаель ихаҭа иҭихит. === Архитектура === Рафаель архитектор иаҳасабала иусура иалкаау аҵакы амоуп, уи Браманте римантәи иклассицизми уи иашьҭанеиуаз азеиԥшевропатәи архитектура [[классицизм|аклассицизм]]и аанарԥшуеит, ахәҭакахьала [[Палладианство|Палладиантәи]] ацәырҵра аныԥшуеит. Браманте 1514 шықәсазы идунеи аниԥсах, Рафаель усҟан зыргылара иаҿыз [[Собор Святого Петра|Аԥшьа Пиотр иныхабаа]] архитектор хадас дҟалеит. 1513 шықәсазы Иули II иҭыԥан иҟалаз апапагьы, [[Лев X|Леон X]] - Рафаель иҟазара ҳаҭыр ду ақәиҵон. 1513 шықәсазы иара Рафаель ажәытәӡатәи Рим иаҵанакуа аамҭа актәи археологс дҟаиҵеит. Апонтифик Ду идҵала Рафаель археологиатә ԥшаарақәа дырхылаԥшуан, Ватикантәи аколлекциақәа реидкыларақәа, рышьақәгылара хылаԥшра азиуан, насгьы Наӡаӡатәи ақалақь археологиатә сахьа (аплан) еиқәиршәеит. 1515 шықәса инаркны Рафаель Ватикан «ажәытә ҭынхақәа рзы акомиссар» иҭыԥ ааникылон<ref> Бартенев И. А. Рафаэль и архитектура // Рафаэль и его время: Сборник статей. — М.: Наука, 1986. — С. 80 </ref>. Рим Рафаель ипроект ала иргылан аџьартә- ҟәырӷ змоу аухәама [[Сант-Элиджо-дельи-Орефичи|Сант- Елиџьо- дели- Орефичи]]( аиувелирцәа рцех иԥшьоу аелегиа), иара убас даара зычаԥашьа бзиоу ауахәама [[Санта-Мария-дель-Пополо|Санта- Мариа- дель- Пополо]] акпелла Киџьи(1512-1520). Иара убас Рафаель апроект ҟаиҵеит [[Палаццо Видони-Каффарелли|Палаццо Видони- Каффарелли]] аԥхьатәи ахәҭа(1515), Бранконио дель Аквила(1520 ахыбра еиқәымхаӡеит), иара убасгьы Флоренциа иҟоу [[Палаццо Пандольфини]], уа аусурақәа хирқәшеит Франческо да Сангалло(1516-1520). 1515 азы, Рим аҩада-мраҭашәаратәи аган ахәҭаҿы, Рафаель ипроект ала акардинал Џьулио Медичи (аԥхьаҟа Апапа Климент VII) изы авилла аргылара иалагеит (аргылара хиркәшеит [[Сангалло, Антонио да (младший)|Антонио да Сангалло Аиҵбы]]). Ахыбра «[[Вилла Мадама]]» ҳәа ахьӡырҵеит (уи анаҩс аԥшәымас иаиоуз [[Маргарита Пармская|Маргарита Пармтәи]], ( Маргарита Австиратәи ҳәагьы илышьҭан, ма « [[Мадам]] Маргарет»), Алессандро Медичи иԥшәма ԥҳәыс). Авилла архитектуратә мотив хадақәа еснагь еиԥш — агьежьбжатәи ахыргьагьеи аҟәырӷи ракәын. Авестибиули алоџьиеи агротесктә темақәа рыла иҭыху асахьақәеи [[Рельеф (скульптура)|арелиеф]]қәеи рыла [[декор|ирԥшӡоуп]]. Рафаель афасад акомпозициаеи ааигәара игылоу ахыбрақәа рҷыдарақәеи еснагь еидиҳәалон, ахыбра ашәаагақәееи ахықәки азгәаҭаны, аханқәа зегьы ырԥшӡаны, акы иузаламырҩашьо аҟаҵара иҽазишәон<ref name="БСЭ">{{книга |автор = [[Алпатов, Михаил Владимирович|Алпатов М. В.]] |часть =Рафаэль |заглавие = [[Большая советская энциклопедия]] |ответственный = Гл. ред. [[С. И. Вавилов]]|издание = 2 издание|место = М.|издательство = [[Советская энциклопедия]]|год = 1965}}</ref>. Икомпозициақәа ирышьагәыҭуп ихырқәшоу аплан, асимметриа, афасадқәа апилиастрқәа рыла реихшара. Иҟоуп агәаанагара, архитектуреи аҿыханҵеи рҿы аклассицизм астиль Рафаель иоуп иаԥызҵаз, ихзырқәшазгьы ҳәа. Иусумҭақәа уанрыхәаԥшуа, ииашаҵәҟьаны, урҭ рыҩаӡара шхырқәшоу убоит, анаҩстҽи рырҿиара шзалымшо еиукаауеит<ref> Алпатов М. В. Художественные проблемы итальянского Возрождения. — М.: Искусство, 1976. — С. 10—12 </ref>. === Аҭыхымҭақәеи агравиурақәеи === [[Файл:Raphael Lucretia.jpg|мини|слева|200px|Рафаель. Лукрециа. 1483-1520 шықәсқәа рыбжьара. Ақьаад, акалам, амарқьаф, амел. Метрополитен амузеи, Ниу-Иорк]] [[Файл:Raimondi Lucretia's suicide.jpg|мини|200px|Маркантонио Раимонди. Лукрециа. 1515. Аџьаз аҟны агравиура.]] Рафаель иҭыхымҭақәа ԥшьышә инарзынаԥшуа еиқәхеит. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп асахьаҭыхразы аҽазыҟаҵаратә ҭыхымҭақәа, иҟоуп иара убас зхала иҟоу аусумҭақәагьы. Рафаель ихаҭа агравиурақәа ҟаиҵаӡомызт. Аха иҵаҩцәеи ицхырааҩцәеи — [[Раймонди, Маркантонио|Маркантонио Раимонди]], [[Венециано, Агостино|Агостино Венециано]], [[Денте, Марко|Марко Денте]], Џьованни Антонио Каралио — Рафаель исахьақәеи ихыркәшамыз икомпозициақәеи рхы иархәаны, арепликақәеи акомпозициатә вариациақәеи ҟарҵон. Уи абзоурала, ахәҭакахьала, иӡхьоу Рафаель исахьаҭыхымҭақәа ԥыҭк ҳара ҳаамҭанӡа иааӡеит. Рафаель иҭыхымҭақәа рыла иҟаҵаз агравиурақәа амҩадуқәа ирыԥныз адәқьанқәа рҿы ирҭиуан; урҭ аархәон италиатәи [[Майолика|амаиоликатә]] сахьаҭыхра аҟазацәа, (аҭӡамцхҟьақәа рҭыжьразы акартонқәа ҟазҵоз), амҿлыхқәа ҭаԥызҟоз, аиувелирцәа. Абас ала иҿион Аиҭарҿиара аамҭа иазҷыдаз аҟазаратә еицлабра: иналукааша асахьаҭыхҩы иусумҭа — асахьаҭыхҩы-агравиурақәа ҟазҵоз иусумҭа — анапҟаза иусумҭа уҳәа абарҭ зегьы еимаданы ианыҿиоз. Санкт-Петербургтәи [[Ермитаж|Аермитаж]] аҿы А. Венецианои М. Раимондии ркомпозициақәа зну амаиоликатә чанахқәа ыҟоуп. Насгьы, асахьанҵақәа Рафаель иҭыхымҭақәа ирықәҭыхӡам, урҭ рҿиаратә вариациақәуп, ркомпозициақәа рсахьа шыԥсыҽугьы, Рафаель ихаҭа иескизқәа раасҭагьы еиҳауп. Ари зыхҟьо аформат ахьыгьежьуи, ахьшьытә сахьанҵа аҷыдареи роуп<ref> Михайлова О. Э. Использование композиций произведений Рафаэля и его школы в росписи итальянской майолики // Рафаэль и его время: Сборник статей. — М.: Наука, 1986. — С. 142—154 </ref>. Рафаель иҭыхымҭа “ Парис иусӡбара ” дахәаԥшны (1508-1509). Раимонди аџьаз аҟны иҟаиҵаз агравиура, Џьорџьоне исахьаҭыхымҭа “Ақыҭатә концерт” (1508-1509) еиԥш, иара асхьаҭыхҩы ихаҭа [[Мане, Эдуард|Е. Мане]] ишиҳәоз ала, асахьаҭыхымҭа « [[Завтрак на траве (картина Мане)|Ашьацраҿ шьыбжьхьаҟаҵара]]»(1863) шьаҭас иаиуит<ref> Прокофьев В. Н. Живопись Эдуарда Мане между прошлым и будущим (некоторые вопросы поэтики и стилистики) // Прокофьев В. Н. Об искусстве и искусствознании. — М.: Советский художник, 1985. — С. 128 (письмо Ш. Бодлера Надару от 14 мая 1859 г.)</ref>. === Ажәеинраалақәа === [[Файл:La Fornarina by Raffaello.jpg|мини|слева|229px|[[Форнарина (картина)|Аԥҳәыс қәыԥш лпортреҭ (Форнарина)]]. 1518-1519 шықәсазы. Палаццо Барберини, Рим. Аҵарауаа реиҳараҩык ргәы ишаанагоу ала, асахьаҿы Рафаель бзиа иибоз, имодель [[Форнарина]] даарԥшуп. Рафаель данԥсы ашьҭахь, Џьулио Романо аԥҳәыс лыжәҩахыр аҿы иҭихит «Рафаель Урбинас» ҳәа зныз анапхаҵа.]] [[Файл:Raffaello Sanzio - La Donna Velata.jpg|мини|229px|[[Донна Велата|Донна Велата (Ақәыршә зхоу аԥҳәыс)]]. 1516.ақәатәа, ахәшашәыга. Палаццо Питти, Флоренциа]] Иаамҭазы иҟаз асахьаҭыхыҩцәа реиԥш, иаҳҳәап, [[Микеланџьело|Микеланџьело]], Рафаельгьы ажәеинраалақәа иҩуан. Иахьанӡагьы еиқәханы иҟоуп [[сонет|асонет]]қәа рыцҵаны иҭихыз исахьақәа. Ҵаҟа ижәбоит А. Махов еиҭеигаз асахьаҭыхҩы бзиа иибоз аԥҳәызбацәа руаӡәк илзикыз асонет. {{Ацитата алагара}}Амур, ирмаҷ убла хызкуа алашара Уара иааушьҭыз ҩ-бла џьашьахәык. Урҭ ҳақәдыргәыӷуеит ма ахьҭа, ма аԥхын амца шоура, Аха урҭ арыцҳашьара цәыкәбар хәыҷыкгьы рылам. Сара урҭ рыԥшӡара анысныр, Ишԥасцәыӡи схақәиҭреи сҭынчреи. Ашьхантә иасуа аԥшагьы, ацәқәырԥақәагьы Уи амца рзырцәаӡом сара сахьдырхәуашәа. Ҿымҭӡакәа сыхьанҭара ахгара сазыхиоуп Ашьамҭлаҳәқәа рыла иҿаҳәоу тәыс сыҟаз Урҭ рцәыӡра -аԥсра иаҩызоуп. Сгәаҟрақәа дарбанзаалак еиликаауеит, Агәаҳәарақәа раанкылара злымшаз Абзиабаратә ԥшатлакә ԥсаҭатәыс саиуит.{{Ацитата алгара}} === Рафаель иԥсреи Апантеон аҿы анышә иамадареи === [[Файл:Raphael's grave, Pantheon 2010.jpg|мини|Рафаель исаркофаг Апантеон аҟны. Рим. Аскульптор А. Мунес. 1811—1833]] Рафаель иԥсҭазаара далҵит Рим, мшаԥымза 6,1520 шықәса рзы, 37 шықәса дшырҭагылаз. Џь. Вазари иҩуан, Рафаель «абжьааԥны аасҭа еиҳа қьафурала аамҭа анихига ашьҭахь » дыԥсит ҳәа, аха иахьатәи аҵарауаа ргәы ишаанаго ала, иԥсра зыхҟьаз аԥсыԥ лага-ҩагаратә чымазара имцашоура ӷәӷәала иахьханагалаз иахҟьеит. Аҳақьымцәа иҟарҵаз агха иахҟьеит ҳәа,-апапа иааишьҭыз аҳақьымцәа, ииашамыз адиагноз ықәдыргылеит, ашьакаҭәарала имцашоура ладырҟәырц рҽазыршәеит, уи ахьҭа ӷәӷәа злаланы иҟаз ачымазаҩ изы даара ишәарҭан (ари атәы XVI-тәи ашәышықәсазгьы еилкааны ирыман<ref>{{Cite web|url=https://doi.org/10.1007/s11739-020-02435-8|title=Riva, M.A., Paladino, M.E., Motta, M. et al. The death of Raphael: a reflection on bloodletting in the Renaissance. Intern Emerg Med (2020)}} </ref>). Дыԥсаанӡа, Рафаель иҭаххеит иара ихарџь ала Апантеон аҿы «ажәытәӡатәи ахаҳәтә табернакль еиҭашьақәыргылазарц, насгьы уаҟа Мадонна лҳатәара зықәгылоу аныҳәарҭа дыргыларц, уи аҵаҟа анышә дахьарҭаша аҭыԥ алихит». Ажәытәӡатәи Венера илеиԥшны(егьырҭ ахыҵхырҭақәа рыла, Исида) аҳаҭәара аҟаҵара идиҵеит иҵаҩы, аскульптор, архитектор Лоренцо Лотти, хьыӡшьас [[Лоренцетто]] ҳәа зарҳәоз. Аскульптура "Мадонна дель Сассо" ҳәа иашьҭалеит (италиан бызшәала: Мадонна дель Сассо - Ашьха Мадонна, мамзаргьы Ахаҳәтә), избан акәзар Мадонна лшьапқәа ахаҳә иқәгылоуп. Аха аҟаза ду анышә дахьамадаҵәҟьоу еилкаамызт<ref>La Morte di Raffaello. — URL: [http://la-morte-di-raffaello-da-urbino.blogspot.com/2016/11/tomba-di-raffaello-al-pantheon-la-morte.html] {{Wayback|url=http://la-morte-di-raffaello-da-urbino.blogspot.com/2016/11/tomba-di-raffaello-al-pantheon-la-morte.html|date=20220118213141}}</ref>. цәыббрамза 14, 1833ш азы, асахьаҭыхҩцәа, [[Папская академия литературы и изящных искусств|аҟазара апапа иакадемиа]] алахәылацәа ражәалагалала, Апапа Григори XVI изин ала, дахьжыҵәҟьоу аилкааразы, аӡҟы дызку Мадонна лҳатәара зықәгылаз аплита аадыртит. Уи ахҭыс иалахәын апапа икуриа ахаҭарнакцәа, апапа ицҳаражәҳәаҩ, акардинал Викарио Зурла, аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа рыцҳаражәҳәаҩцәа, ауахәама ахаҭарнакцәа, Рим ақалақь ахаҭарнакцәа, анотариусцәа, аҳақьымцәа, археологцәа. Урҭ инарҷыданы,уи аамҭазы Рим иаҭааны иҟаз еицырдыруаз ашәҟәыҩҩцәеи аҟазацәеи: И. Ф. Овербек, Б. Торвальдсен, К. П. Бриуллов, О. Верне, Ф. А. Бруни, А. А. Иванов уҳәа убас егьырҭгьы. Зегьы ааидкыланы хынҩажәи жәохәҩык ауаа. Асахьаҭыхҩы [[Камуччини, Винченцо|Винченцо Камуччини]] акардама аартра апроцесс аарԥшразы иҷыдоу азин иҭан. Иара иаарту акардамеи аԥсыбаҩи рсахьа ҭихит, урҭ литографиала иҭрыжьит. Мызкы иалагӡаны Рафаель иԥсыбаҩ зегьы иахьырбоз иқәыргылан, анаҩс уи ажәытәӡатәи Римтәи асаркофаг иҭарҵеит, иара апапа иколекциа аҟынтәи ириҭеит. Асаркофаг ахҩа аҟны алаҭинтә епитафиа анырҵеит. Уи иҩит италиатәи агуманист, акардинал [[Бембо, Пьетро|Пиетро Бембо]]: «ILLE HIC EST RAPHAEL TIMUIT QUO SOSPITE VINCI / RERUM MAGNA PARENS ET MORIENTE MORI» ( ара анышә дамадоуп Рафаель дуӡӡа, иԥсы анҭаз аԥсабара даииаир ҳәа ишәон, даныԥсы ашьҭахь иара ԥсыр ҳәа ишәон). Асаркофаг ҭыԥк аҿы ишьҭаҵаны, асаркьа ала ихырҩеит. Ахҩа аҿы адаԥа иалху аџьазтә венок арҭеит, акардама ахыхь- игәыдеибакыло ҩ-ҳәыҳәк, Антонио Муниос искульптура (1811) Акомпозициа атеатралтә ҟазшьа шамоугьы, иара уныруеит, избан акәзар «асаркофаг аҿы аӡәгьы иеиԥшымкәа, аԥштәқәеи ацәаҳәақәеи аԥсҭазаара рыхҵара здыруаз аӡәы иԥсыбаҩ ыҟоуп»<ref>Власов В. Г. Пантеон и пантеоны. Умножение наименований: культурно-исторические и мнемонические аспекты изучения памятников классической архитектуры // Архитектон: известия вузов. — 2020. — № 2(70). — URL: [http://archvuz.ru/2020_2/5] {{Wayback|url=http://archvuz.ru/2020_2/5|date=20210603064838}}</ref>. === Рафаелески === Иналукааша италиатәи аҟазацәа ирҿыԥшқәоз, рышьҭамҭа ихылақәоз аҵаҩцәа традициала иааркьаҿны ирышьҭоуп: “Џьоттески”, “Леонардески”, “Џьорџьонески”... “Рафаелескиқәа” рахь иаҵанакуеит аҟаза иҟазарҭаҿы аус зуаз ицхырааҩцәа, Рафаель данԥсы ашьҭахь, зхала аус зуаз: [[Романо, Джулио|Џьулио Романо]], [[Себастьяно дель Пьомбо|Себастиано дель Пиомбо]], [[Перино дель Вага]], [[Пенни, Джанфранческо|Франческо Пенни]], Џьованни да Удине, [[Содома]]. Зегь реиҳа абаҩхатәра иман архитектор, аҿыханҵаҩ [[Романо, Джулио|Џьулио Романо]]. Ирҵаҩы истиль ала иҟаҵаз иусумҭақәа, зны-зынлагьы иескизқәа рыла иҟаиҵоз, рыхә ҳаракны иршьомызт аамҭак ицаныз ауаа. Аха, уи XVI-тәи ашәышықәса аҩбатәи азбжазы италиатәи аҟазара аҿиараҿы анаҩстәи акыр зҵазкуа аетап [[маньеризм|аманиеризм]] аҟазара ашьаҭаркҩцәа дыруаӡәкхеит. Еиҳараӡак иара Рим аус иуан, аха зегь реиҳа иоригиналтәу иргылареи исахьанҵақәеи [[Мантуя|Мантуа]] иҟоуп — [[Палаццо дель Те]]. Џьованни Нанни [[Удине]]ҟа дхынҳәит, уаҟа иара иаԥиҵеит акыр зҵазкуа асахьаҭыхымҭақәа. Франческо Пенни [[Неаполь]]ҟа нхара диасит, аха дышқәыԥшыз дыԥсит. Перино дель Вага Флоренциеи [[Генуя|Генуе]]и аус иуан. === Рафаель ирҿиаратә метод аҭоурыхтә хәшьарақәа === Рафаель иусумҭақәа рыҭҵааҩцәеи рдырыҩцәеи реиҳараҩык иазгәарҭоит иҟазара иацу аласреи апластикеи. “Еснагь аҵара дазхиан, еиуеиԥшым аныррақәа идикылон: [[Перуджино|Перуџьино]] “ихәыцуа Мадоннақәа” рҟәымшәышәра, Леонардо да Винчи и[[сфумато]], иара убас “акомпозициатә хкәакь”, иҟазара аҵыхәтәантәи аетапаҿы Микеланџьело ифигурақәа рпластика ду. Иара анатура акырӡа аус адиулон, ашьшьы-шьшьыҳәа ескизк аҟынтә даҽа ескизкахь диасуа, акомпозициа еибакапануа,аформа шьахәны иҟаиҵон. « Иара изы аҟазара ргәаҟгамызт ма еилкаам хықәкымызт. Еиҳа-еиҳа иҟазара ршьахәуа, Рафаель иҿаԥхьа инаигӡашаз азҵаатәқәа ықәиргылон. Рафаель еснагь иҟаиҵон егьырҭ иҟарҵарц ирҭахыз». Г. Виольфлин ихшыҩҵак ҵар инақәршәаны «Микеланџьелои Леонардои рҟазара инаҭаз анырра илан игәаҭеиуа»<ref> Вёльфлин Г. Классическое искусство. Введение в изучение итальянского Возрождения. — СПб.: Алетейя, 1997. — С. 84, 88 </ref>. Рафаель иҭоурыхтә лшамҭаны иҟоуп, иҟазараҿы еиуеиԥшым ҩ-дунеик акны иахьеидиҳәалаз — ақьырсиантә дунеии аклассикатә дунеии”<ref> Гращенков В. Н. Об искусстве Рафаэля. — С. 10 </ref>. Жәашықәсала имҩаԥысуаз «[[Спор о древних и новых|Ажәытәқәеи аҿатәқәеи рзы аимак]]» ([[классицизм|аклассицизм]] адгылаҩцәеи [[барокко|абарокко]] адгылаҩцәеи) асахьаҭыхреи аскульптуреи Парижтәи Акралтә Академиа анапхгаҩы [[Лебрен, Шарль|Шарль Лебрен]] абҵарамза 5,1667 шықәсазы аклассикатә ҿыханҵа ашедеврқәа рзы лекциақәа рцикл ааиртит. Раԥхьатәи илекциа Рафаель ирҿиара иазикит. Европатәи [[Академизм|аҟазаратә академиақәа]] зегьы рҿы “Анцәахша Рафаель” иҟазара еталонс иҟан, насгьы зеиӷьыҟам ҿырԥшыгас иԥхьаӡан. Рафаелизм апологетцәа рҟынтә еиҳа иалкаауп [[Менгс, Антон Рафаэль|Антон Рафаель Менгс]]и [[Энгр, Жан Огюст Доминик|Џь. Енгар]]и. Рафаель иусумҭақәа ирымҵахырхәон [[Кальдара, Полидоро|Полидоро да Караваџьо]], [[Франча, Франческо|Франческо Франча]]. Ахәҭакахьала, Енгар иазгәеиҭеит: «Фидии Рафаели рышьҭахь аҟазараҿы акрызҵазкуа ҳәа уаҳа акгьы аартра залшом... Рафаель насыԥ иман ҳәа рҳәоит. Ааи, аха уи зыхҟьо уи ԥсабаратәла лакьыс узиҭомызт, дынцәахшан,Микеланџьело иусумҭа дуқәа уанрыхәаԥшуа, гәыкала урҭ ушдыршанхогьы, урҭ рҿы ааԥсарак аҷыдарақәа убарҭоуп. Рафаель иҟны даҽакала иҟоуп. Иаԥҵамҭақәа зегьы ссирӡақәоуп; Анцәа иаԥҵамҭақәа реиԥш, урҭ ԥшатлакәҵас ицәырҵыз рҿиаратә гәазыҳәара ссирк ала иҿиазшәа ауп ишыҟоу»<ref> Энгр об искусстве. — М.: Изд-во Академии художеств СССР, 1962. — С. 74, 81 </ref>. Рафаель иҟазарахь абас еиԥш иҟаз азнеишьа, аамҭа анца ашьҭахь аҭактә реакциа аиуит: аҟазараҿы [[романтизм|аромантизм]]и [[Реализм (живопись)|ареализм]]и рыдгылаҩцәа рыкритика обиект хаданы Рафаель дҟарҵеит. Милан, Рим ақалақьқәа рҿы Рафаель иҟазара нҭкааны иҭызҵааз аурыс сахьаҭыхҩы [[Иванов, Александр Андреевич|А. А. Иванов]] иазгәеиҭеит, Рафаель исахьақәа иааидкыланы «аграциеи аҳаракыреи» рҟазшьоуп ҳәа<ref> Мастера искусства об искусстве. М.: ИЗОГИЗ, 1937. Т. IV. С. 125 </ref>. 1883 шықәсазы Рафаель Санти диижьҭеи ԥшьышә шықәса аҵра ныҳәа дула иазгәарҭеит. [[Санкт-Петербург]] иҟоу [[Императорский фарфоровый завод|Аимператортә фарфортә зауад]] аҿы, аимператор [[Александр III]] идҵала, ари арыцхә азы Ватикан иҟоу “Рафаель илоџьиақәа” агротескқәа рмотивқәа рыла, асахьаҭыхҩы С. Р. Романов исахьанҵақәа зну “Рафаель исервиз” ҭрыжьит<ref>Рафаэлевский сервиз ИФЗ [http://farfor-expert.ru/rafaelevskij-serviz/] {{Wayback|url=http://farfor-expert.ru/rafaelevskij-serviz/|date=20220118182531}}</ref>. == Иусумҭақәа рыхәԥса == [[Файл:Raffaello Sanzio, - cartoon for the Head of a Young Apostle, c.1519-20.jpg|мини|справа|"Ацҳаражәҳәаҩ қәыԥш ихы"]] Ԥхынҷкәынмза 5, 2012ш азы [[Сотбис|Сотсбис]] аукцион аҟны ирҭиит Рафаель исахьа “Ацҳаражәҳәаҩ қәыԥш ихы” (1519-1520) асахьаҭыхымҭа “Аҽеиҭакра” азы. Ахәԥса £29,721,250 фунт стерлинг артәет, раԥхьатәи ахә аасҭа ҩынтә еиҳан. Ари аҿыханҵатә усумҭақәа рзы ирекордуп<ref>{{Cite web |url=http://www.sothebys.com/en/auctions/ecatalogue/2012/old-master-british-paintings-evening-l12036/lot.52.lotnum.html |title=Сайт Sotheby’s |access-date=2013-01-19 |archive-date=2018-02-20 |archive-url=https://web.archive.org/web/20180220033607/http://www.sothebys.com/en/auctions/ecatalogue/2012/old-master-british-paintings-evening-l12036/lot.52.lotnum.html |url-status=live }}</ref>. == Аҟазараҿы ахаҿсахьа == === Акиносахьақәа === * 2017 - Рафаель. Аҟазара аҭауад<ref>В некоторых русских источниках — «Принц», в англоязычном прокате — ''The Lord'' (of the arts)</ref> / Рафаелло: Il Principe delle Arti (реж. Лука Виотто / Лука Виотто) - адокументалтә-хәмарратә, Рафаель Санти ироль аҿы - Флавио Паренти / Флавио Паренти, Џьованни Манти ироль аҿы - Енрико Ло Версо / Енрико Ло Версо === Афилателиаҿы === <gallery> Файл:The Soviet Union 1970 CPA 3956 stamp ('The Conestabile Madonna' (Raphael)).jpg|Рафаель исахьаҭыхымҭа "Мадонна Конестабиле", 1970 [[СССР]] [[Почтовая марка|аԥошьҭатә марка]]ҿы. Файл:USSR 1983 5305 3111 0.jpg|Рафаель исахьаҭыхымҭа " Иԥшьоу Аҭаацәара", 1983 [[СССР]] [[Почтовая марка|аԥошьҭатә марка]]ҿы. Файл:КПД СССР, 1983 г. со спецгашением. 500 лет со дня рождения Рафаэля.jpg|[[Конверт первого дня|Раԥхьатәи амш аконверт (КПД)]], СССР, 1983 ш., [[Специальное гашение|аҷыдатә ԥошьҭатә штамп]] зцу. Рафаель диижьҭеи хәышә шықәса аҵра. Файл:GDR-stamp Raffael 1955 Mi. 509.JPG|Рафаель исахьаҭыхымҭа "Сикстинтәи Мадонна", 1955 [[ГДР]] [[Почтовая марка|аԥошьҭатә марка]]ҿы. </gallery> == Шәахә. иара уб. == * [[Список работ Рафаэля|Рафаель иҭыхымҭақәа рсиа]] * [[Мадонны Рафаэля|Рафаель Имадоннақәа]] * [[Станцы Рафаэля|Рафаель истанцақәа]] * [[Портреты Рафаэля|Рафаель ипортреҭқәа]] * [[Форнарина]] * [[Рафаэль (кратер)|Рафаель (акратер)]] * [[Леонардо да Винчи]] * [[Микеланџьело|Микеланџьело Буанарроти]] * [[Тициан|Тициан Вечеллио]] * [[Сандро Боттичелли]] == Азгәаҭақәа == {{Reflist|2}} == Алитература == * {{Книга |автор = Санти Б. |заглавие = Рафаэль |издание = |оригинал = ''Santi Bruno'' Raffaello (1993) |ответственный=Пер. с ит. И. С. Фомичёва|место = М. |издательство = Слово |год = 1995 |страницы=|страниц = 80 |isbn=|ref = Санти Б.}} * ''Кристоф Т.'' Рафаэль. — Taschen. 2005 * {{книга | автор = {{comment|Махов А. Б.|Александр Борисович}} | заглавие = Рафаэль | место = М. | издательство = [[Молодая гвардия (издательство)|Молодая гвардия]] | год = 2011 | серия = [[Жизнь замечательных людей]] | страниц = 376[8] | isbn = 978-5-235-03462-4 | тираж = | ref = }} * {{Книга |автор = [[Стам, Соломон Моисеевич|Стам С. М.]] |заглавие = Флорентийские мадонны Рафаэля : Вопросы идейного содержания |место = Саратов |издательство = Издательство [[Саратовский университет|Саратовского университета]] |год = 1982 |страниц = 80 }} * {{книга |автор = [[Элиасберг, Нора Ефимовна|Элиасберг Н. Е.]] |заглавие = Рафаэль |ссылка = |ответственный = |издание = |место = М. |издательство = [[Искусство (издательство)|Искусство]] |год = 1961 |страниц = 56 }} * [[Гращенков, Виктор Николаевич|Гращенков В. Н.]] Рафаэль. — М.: Искусство, 1975. — 25000 экз. == Азхьарԥшқәа == * [http://www.rafaelsanti.ru/ Сайт, посвящённый творчеству Рафаэля Санти]{{In lang|ru}} * [http://top-antropos.com/religion/jesus-maria/item/134-madonny-rafajelja Мадонны Рафаэля (42 картины)] * [http://www.art-drawing.ru/gallery/category/696-raphael Рафаэль Санти. Картины] [http://www.art-drawing.ru/biographies/brief-biographies/1213-raphael и биография] * Сонеты Рафаэля Санти в переводах Павла Алешина: https://rosa-mundi.ru/section/raffaello_sanzio {{Авторитет змоу адыррақәа}} [[Акатегориа:Римтәи апантеон аҿы анышә иамадақәоу]] [[Акатегориа:XVI ашәышықәсазы Италиа аскульпторцәа]] [[Акатегориа:Италиатәи аиҭарҿиара аамҭазы аскульпторцәа]] [[Акатегориа:Агәчымазара иахҟьаны зыԥсҭазаара иалҵқәаз]] [[Акатегориа:Италиатәи аиҭарҿиара аамҭазы асахьаҭыхҩцәа]] [[Акатегориа:XVI ашәышықәсазы Италиа асахьаҭыхҩцәа-амонументалистцәа]] [[Акатегориа:Амифологиатә тематикала ирҿиоз асахьаҭыхыҩцәа]] [[Акатегориа:XVI ашәышықәсазы Италиа асахьаҭыхыҩцәа]] rtxp2opmayikqmstpi6eiukvz26j02n 170637 170636 2026-07-27T14:21:53Z Nart17 17397 Акарточка: асаит апараметр ашаблон ахатәы орфографиа инақәыршәоуп. 170637 wikitext text/x-wiki {{Аиҭархара|Рафаель|Рафаель (еилыркаара)|Рафаель захьӡу ма изыжәлоу егьырҭ ауаа ирызку, иара убасгьы даҽа ҵакқәак змоу.}} {{Акарточка артист | ахьӡ = Рафаелло Санцио | афото = Raffaello Sanzio.jpg | ахҵара = Ахатәыпортреҭ. 1504 - 1506 Амҿы, атемпера. 33 × 47,5 см. [[Уффици]], [[Флоренция|Флоренциа]] | атәылауаҩра = [[Файл:Banner_of_Arms_of_the_Duchy_of_Urbino.svg|border|22px]] [[Герцогство Урбино|Урбинотәи агерцогцәа рыдгьылқәа]] | амилаҭра = италиаа | Азанааҭ = асахьаҭыхҩы, аҿыханҵаҩ, аҭыхҩы, архитектор | аԥсра зыхҟьаз = агәчымазара | аԥсыжра аҭыԥ = [[Пантеон (Рим)|Апантеон]], [[Рим]] | арҿиара дуқәа = [[Сикстинская мадонна|Сикстинтәи Мадонна]]<br />[[Афинская школа|Афинатәи ашкол]]<br />[[Преображение (Рафаэль)|Аҽеиҭакра]]<br />[[Триумф Галатеи|Галатеиа лтриумф]]<br />[[Станцы Рафаэля|Рафаель истанцқәа]] | амеценат = [[Юлий II|Апапа Иули II]], [[Лев X|Апапа Леон X]], [[Киджи, Агостино|Агостино Киџьи]] <!-- Аҵаҟатәи апараметрқәа ҭацәуп мап ацәкра азы: Викидырра аурыс текст ҭанаргылоит, ru-источник аҿы урҭ ҭацәын. Иарбанзаалак ҭаргылара RU-источник иацәыхьчалатәуп. --> | анхарҭа = | алма-матер = | аусураҭаҩ = | инырит = | анашьамҭақәа = | амазара = | апартиа = | адин = | аԥҳәыс = | ахаҵа = | ацынхаҩы = | ахәыҷқәа = | амаҵура = | аcаит = }} '''Рафаель Санти да Урбино'''<ref>{{Cite web |url=http://gramota.ru/slovari/dic/?ag=x&word=%D1%80%D0%B0%D1%84%D0%B0%D1%8D%D0%BB%D1%8C%D1%81%D0%B0%D0%BD%D1%82%D0%B8 |title=Ударение в Словаре имён собственных |access-date=2022-04-18 |archive-date=2021-05-02 |archive-url=https://web.archive.org/web/20210502142941/http://gramota.ru/slovari/dic/?ag=x&word=%D1%80%D0%B0%D1%84%D0%B0%D1%8D%D0%BB%D1%8C%D1%81%D0%B0%D0%BD%D1%82%D0%B8 |url-status=live }}</ref>, мамзаргьы '''Рафаелло Санцио''' (итал. Raffaello Santi, Raffaello Sanzio, Rafael, Raffael da Urbino, Rafaelo; хәажәкырамза [[Хәажәкырамза 26|26]] ма [[Хәажәкырамза 28|28]], ма [[Мшаԥымза 6|мшаԥымза 6]]<ref name="BRE">{{БРЭ|автор=[[Назарова, Ольга Алексеевна|О. А. Назарова]]|2=28|3=264—266|статья=Рафаэль|ссылка=https://old.bigenc.ru/fine_art/text/3495496|архив=https://web.archive.org/web/20230610205947/https://old.bigenc.ru/fine_art/text/3495496|архив дата=2023-06-10}}</ref>, [[1483|1483ш]], [[Урбино]] —[[Мшаԥымза 6|мшаԥымза 6]],[[1520]], [[Рим]]) - [[Изобразительное искусство Италии|Италиатәи]] [[художник|асахьаҭыхҩы]], [[живописец|аҿыханҵаҩ]], [[Рисунок|аҭыхҩы]], [[умбрийская школа|умбриатәи]], [[Флорентийская школа живописи|флоренциатәи]] [[архитектор]], уи ашьҭахь - Римтәи [[Школа (в науке и искусстве)|ашкол]]. [[Высокое Возрождение|Иреиҳау Аиҭарҿиара]], ма XVI-тәи ашәышықәса алагамҭазы "Римтәи классицизм" аҟазара ахаҭарнакцәа дыруаӡәкын. Иара ҩажәи жәибыжь шықәса роуп иниҵыз, қәра дук шныимҵызгьы, [[Италиа|Италиа]] еицырдыруаз, амал змаз асахьаҭыхҩцәа дыруаӡәкхеит. Рафаель иусумҭақәа рҿы иааирԥшит [[Ренессансный гуманизм|аренессанстә гуманизм]] иҳараку аидеиақәа, ажәытәӡантәи иаауа, наӡаӡатәи аԥшӡареи ақьырсиантә дунеихәаԥшышьеи реидкылара илиршеит. Иҭыхымҭа «[[Сикстинская мадонна|Сикстинтәи Мадонна]]» лсахьа аҭоурых аҿы зегь реиҳа еицырдыруа асахьақәа ирхыҵхьаӡалоуп; аурыс шәҟәыҩҩы [[Достоевски, Фиодор Михаил-иԥа|Фиодор Достоевски]] зегь реиҳа бзиа иибоз асахьаҭыхымҭақәа иреиуоуп<ref>{{cite web|url=http://www.mirfilologa.ru/articles/ruslit/20vek/162-sikstinskaya-madonna-v-russkoj-literature-khkh-veka|title=«Сикстинская мадонна» в русской литературе XX века|publisher=www.mirfilologa.ru|access-date=2019-07-30|archive-date=2019-07-14|archive-url=https://web.archive.org/web/20190714224120/http://mirfilologa.ru/articles/ruslit/20vek/162-sikstinskaya-madonna-v-russkoj-literature-khkh-veka|url-status=live}}</ref>. == Ирҿиаратә нысымҩа == Рафаель иусумҭақәа удыршанхоит рформа еилыкка иахьыҟоу, [[Композиция (изобразительное искусство)|ркомпозициа]] ахьымариоу, насгьы ауаҩы иҳаракыреи иԥшӡареи [[Неоплатонизм|рнеоплатонтә]] идеал аарԥшра ахьилшази рзы<ref> Christian K. Vision and the Visionary in Raphael. — Penn State Press: 2011. —ISBN 978-0-271-03704-2 </ref>. Рафаельи [[Микеланџьело|Микеланџьелои]], [[Леонардо да Винчи|Леонардо да Винчии]] Иреиҳау Аиҭарҿиара аамҭа иаҵанакуа хҩык аҟазацәа дуӡӡақәа ҳәа иԥхьаӡоуп. “Рафаель насыԥ змаз сахьаҭыхҩын. Уи ӷәӷәала аус иуан, аха илаз аҟазара Микеланџьело иеиԥш, даргәаҟуамызт, мамзаргьы Леонардо да Винчи иеиԥш иузеилымкаауа маӡаны иҟамызт. Иара иҟазара еилкаан, иҭынчын, иҳаракын, идеалтәын. Ииашаҵәҟьаны иҟазара классикатәын"<ref> Гращенков В. Н. Об искусстве Рафаэля // Рафаэль и его время. — М.: Наука, 1986. — С. 7 </ref>. Рафаель Леонардо да Винчи иаасҭа ҩажәи жәеиза шықәсала деиҵбын, Микеланџьело —аашықәса, уи аамҭа ҿыц иаҵанакуаз аҿар дырхаҭарнакхеит, иара 1520 шықәсазы иаамҭамкәа иԥсҭазаара даналҵ инаркны, Италиа Иреиҳау Аиҭарҿиара аамҭа ииасуа иалагеит<ref> [[Власов, Виктор Георгиевич|Власов В. Г.]] Рафаэль Санти // Стили в искусстве. В 3-х т. — СПб.: Кольна. Т. 3. — Словарь имён, 1997. — С. 220 </ref>. Рафаель зеиԥшыҟам аҟазара злаз сахьаҭыхҩын, аҟазарҭа ду напхгара азиуан, иара ишьҭахь аусумҭақәа рацәаны иаанижьит. Ирҿиамҭақәа, ҳәарада, х-етапкны, х-стильк рыла еихшоуп, раԥхьаӡа акәны урҭ дрыхцәажәеит [[Вазари, Джорджо|Џьорџьо Вазари]]: [[Умбрия|Умбриа]] раԥхьатәи ишықәсқәа, анаҩс ԥшьышықәса раҟара (1504-1508) [[Флоренция|Флоренциа]] асахьаҭыхратә традициақәа зныԥшуаз аамҭа, уи ашьҭахь аҵыхәтәантәи итриумфтә усура-жәаҩа шықәса [[Рим|Рим,]] ҩыџьа апапцәа: [[Юлий II|Иули II]], [[Лев X|Леон X]] (1508—1520)рхаан. === Аҭоурыхҭҵаара === Рафаель иусумҭақәа иахьагьы аспециалистцәа иҭырҵаауеит, адискуссиақәа мҩаԥыргоит. Иҳаҩсыз жәашықәсақәа ирылагӡаны, ҿыц ицәырҵыз адыррақәа инарықәыршәаны, « Анцәахша Рафаель» изкны ирҩыз XVI-тәи ашәышықәсазы Џьорџьо Вазари, XIX-тәи ашәышықәса аҵыхәтәаны [[Вёльфлин, Генрих|Генрих Виолфлин]] ашәҟәы «Аклассикатә ҟазара» (1899) аҿы ирҩыз, «[[Пассаван, Иоганн Давид|И. Д. Пассаван]] Рафаель изку раԥхьатәи имонографиаҿы, мамзаргьы А. Миронов [[Энциклопедический словарь Брокгауза и Ефрона|Брокгаузи Ефрони Ренциклопедиатә жәар]] аҿы ирҩыз рацәаны еиҭарҿыцын. Ахәҭакахьала, Иреиҳау Аиҭарҿиара аҟазара змырԥсыҽуа, акультураҿы “рафаелизм” аҭыԥи арольи иааннакыло аҭыԥи арольи еиҭарыхәаԥшын, “рафаелескқәа” ( аҟаза иҵаҩцәеи ишьҭрақәлаҩцәеи), [[маньеризм|аманиеризм]] ахь ирымоуа зыҟазаашьа. Аха Рафаель ирҿиамҭақәа адунеизегьтәи аҟазара аҭоурых аҿы ирымоу ароль дуӡӡа аҵакы гәыҩбарак узцәырнагаӡом. === Урбино имҩаԥысыз ихәыҷреи иҿареи === Рафаель Санти заа иани иаби ицәыӡит. Иан Марџьи Чарла дыԥсит 1491 шықәсазы. Иаб [[Санти, Джованни|Џьованни Санти]] Урбино агерцог иҟны,[[Гвидобальдо да Монтефельтро|Гуидобальдо да Монтефельтро]] аҳҭынраҿы сахьаҭыхҩыси поетси дыҟан. Иара 1494 шықәсазы иԥсҭазаара далҵит, аха дахьӡеит иԥа асахьаҭыхразы раԥхьатәи аурокқәа иҭара<ref>{{книга|автор=Srinivasan, A.|заглавие=World Famous Artists|ссылка=https://books.google.ru/books?id=IXvcvv1Fnw8C&pg=PA21|pages=21|isbn=81-7478-522-1}}</ref>. Ажәохәтәи ашәышықәса аҩбатәи абжазы Урбино аус зуаз Лучиано Лаурана, [[Франческо ди Джорджо|Франческо ди Џьорџьо]] Мартини, [[Пьеро делла Франческа|Пиеро делла Франческа]] иара асахьаҭыхра ирҵараҿы акырӡа аҵак ду нарыгӡеит. Рафаель Санти зегь раԥхьатәи иусумҭа, «Мадонна аӡҟы дыкны», иахьагьы [[Урбино]] ақалақь аҿы иҟоу [[Дом-музей Рафаэля Санти|Рафаель иҩны амузеи]] аҿы иҟоуп. Асахьаҭыхҩы раԥхьатәи иусумҭақәа иреиуоуп “Иԥшьоу ахҩеила рсахьа зну ахоругвь” (1499-1500 шықәсқәа инарзынаԥшуа), иара убас «Толентинотәи Иԥшьоу Николаи игәаргьынхаҵара»(1500-1501) [[Читта-ди-Кастелло|Читта ди Кастелло]] иҟоу Сант-Агостино ауахәама. === Аҵара. Умбриатәи аамҭа === [[Файл:PalaOddiRaffaello.jpg|мини|слева|Аҭыԥҳа агәыргьын лхаҵара ([[Алтарь Одди|Одди иныҳәарҭа]]). 1502-1504 шықәсазы. Ақәатәа,атемпера (амҿы аҟынтәи еиҭагоуп). Ватикан, Пинакотека.]] 1501 инаркны Рафаель [[Перуджа|Перуџье]] (Умбриа) иҟаз [[Пьетро Перуджино|Пиетро Перуџьино]] иҟазарҭаҿы аҵара иҵон, аусгьы иуан. Уи аамҭазы, иара лассы-лассы Перуџьи ааныжьны [[Урбино]], [[Читта-ди-Кастелло|Читта ди Кастелло]] игылаз иҩныҟа дцалон, [[Пинтуриккьо|Пинтуриккио]] дицны [[Сиена]]ҟа дцон, Читта ди Кастеллои Перуџьиеи рҟынтә иоуаз азаказқәа наигӡон. 1502 азы ицәырҵуеит раԥхьатәи “рафаель имадонна”-“ [[Мадонна Солли]] ”. Мадоннеи аӡҟи рсахьақәа - Рафаель қәыԥш зегь реиҳа бзиа иибоз теман, иԥсы ҭанаҵы ус еиԥш иҟаз асахьақәа ҭихуан. Аха иара заатәи «Мадоннақәа иҭынчу Умбриатәи апеизаж афонаҿ » (А. Н. Бенуа) Перуџьино истиль ала иҭыхын. Џь. Вазари излеиҳәо ала, Рафаель раԥхьатәи иусумҭақәа Перуџьино исахьақәа ирылукаартә иҟам. Егьырҭ раԥхьатәи аусумҭақәа рахь иаҵанакуеит «[[Сон рыцаря|Арыцар иԥхыӡ]]», «[[Три грации (Рафаэль)|Х-грациак]]»(рыҩбагьы 1504 шықәса инарзынаԥшуа). [[Дворжак, Макс|Макс Дворжак]] иазгәеиҭахьан, Рафаель «Умбриатәи аҟазацәа рҵаҩы иаҳасабала далагеит, нас Фра Бартоломео Флоренциа иааирԥшуаз адинтә-идеалисттә хырхарҭа дадгылеит ҳәа.Рафаель Римҟа диасаанӡа иԥсҭазаара далҵызҭгьы, иара ҳаамҭазы умбриа-флоренциатәи ашкола аҟазацәа бзиақәа дырхыԥхьаӡалахон, уи аҩаӡарагьы дахысран дыҟамызт. Наӡаӡатәи ақалақь ауп иара истиль дуи ирҿиара ауниверсалтә ҵаки рышьаҭа зҳаз<ref> Дворжак М. История итальянского искусства в эпоху Возрождения. Курс лекций. — М.: Искусство, 1978. — Т. II. — XVI столетие. — С. 45 </ref>. Хәыҷы-хәыҷла Рафаель ихатә стиль ааирԥшит. Асахьа «[[Обручение Девы Марии (картина Рафаэля)|Мадоннеи ԥаҵа зҿам Иосифи]]» (1504) аҿы Пиетро Перуџьино абри атемала иҟаиҵаз акомпозициа даҽазныкгьы иаагоуп, аха асахьақәа рҭыхра апластикаҿы аҵаҩы ирҵаҩы дииааит. Одди иныҳәарҭазы иҭихыз асахьаҿы «[[Алтарь Одди|Мариа Қьырса хәыҷ дыкны]] » (1504 шықәса инарзынаԥшуа), Рафаель иԥшааит анаҩстәи иусумҭақәа рҿы еиқәиршәашаз акомпозициа. Аныҳәарҭа рзы акомпозициа дуқәа рыдагьы, Рафаель иаԥиҵеит асахьа хәыҷқәа: «[[Мадонна Конестабиле]]» (1502-1504), «Агәылшьап зшьуа Аԥшьа Георги » (1504-1505 инарзынаԥшуа) насгьы апортреҭқәа - «Пиетро Бембо ипортреҭ» (1504-1506). 1504 шықәсазы Урбино ақалақь аҿы Рафаель афилософ, ашәҟәыҩҩы, афилантроп, аграф [[Кастильоне, Бальдассаре|Балдассаре Кастильоне]] диабадырит, уии иареи аиҩызара ӷәӷәеи асалам шәыҟәқәеи рыбжьалеит, ахәҭакахьала, Рафаель иҭихыз аҭыӡсахьа “[[Триумф Галатеи|Галатеиа лтриумф]]” иадҳәалоу, аҟазара аҭоурых аҿы еицырдыруаз ашәҟәқәа. === Флоренциатәи аамҭа. "Флоренциатәи Амадоннақәа" === [[Файл:Raphael Madonna with Beardless St. Joseph.jpg|мини|[[Мадонна с безбородым Иосифом|Мадонна аԥаҵа зҿам Иосиф дицны]] (Иԥшьоу аҭаацәара) 1506. Темпера, ақәатәа, ахәшашәыга (амҿы аҟынтәи еиҭагоуп). Аҳәынҭқарратә Ермитаж, Санкт-Петербург]] 1504 шықәса ахырқәшамҭазы Рафаель [[Флоренция|Флоренциа]]ҟа нхара диасит. Абраҟа [[Леонардо да Винчи|Леонардо да Винчии]] иареи еибадырит, иара убас [[Микеланџьело|Микеланџьело]], [[Фра Бартоломео|Бартоломео делла Порта]] уҳәа егьырҭ Флоренциатәи аҟазацәа аӡәырҩы. Инҭкааны иҭиҵаауан Леонардо да Винчи иҿыханҵатә техника, и[[сфумато]]. Рафаель егьырҭ аҟазацәа реихьӡарақәа ирласны идикылон, иҵон, иӡхьоу Леонардо да Винчи исахьаҭыхымҭа “Ледеи амшынҟызи” аҟынтәи Рафаель иҭыхымҭа нханы иҟоуп, иара убас Микеланџьело иҭыхымҭа “Аԥшьа Матфеи” аҟынтәи. «...Леонардои Микеланџьелои русумҭақәа рҿы иибаз атехникақәа ирыбзоураны, иара иҵегьы аусура иҽадицало далагеит, урҭ рҟынтәи иҟазареи иҟазшьеи рзы ахәарҭа ду алигарц азы», ​​— ҳәа иҩуан Џь. Вазари<ref name="Вазари">{{книга |автор = Джорджо Вазари. |часть = |заглавие = Жизнеописания наиболее знаменитых живописцев, ваятелей и зодчих|оригинал = |ссылка = |ответственный = |издание = |место = М.|издательство = АЛЬФА-КНИГА |год = 2008|том = |страницы = |страниц = |серия = |isbn = |тираж = }}</ref>. “Иҳәаатәхаз” ​​асахьа акәхеит “[[Положение во гроб (картина Рафаэля)|Акәыба аҭаҵара]]”, уи аҟаза раԥхьатәи “Умбриатәи астиль” ацәхьаҵразы иҟаиҵаз аҽазышәара аанарԥшуан. Рафаель раԥхьаӡа Флоренциа Аньоло Дони иҟынтәи, уи иԥҳәыси иареи рпортреҭқәа ҭихразы азаказ иоуит, аҵыхәтәантәи Леонардо да Винчи иҭыхымҭа « [[Мона Лиза|Мона Лиза дель Џьокондо]]» Рафаель инаҭаз анырра аныԥшит. Иара убри аамҭазы, Аньоло Дони изы Микеланџьело Буонарроти «[[Мадонна Дони]]» [[тондо|атондо]] аԥиҵеит. Флоренциа Рафаель аныҳәарҭатә сахьақәа ҭихит: «Аҳ итәарҭаҿ итәо Мадонна Иоанн Аӡӡаахҩи Баринтәииҿ Николаи лыцны» (1505 шықәса иназынаԥшуа), «[[Положение во гроб (Рафаэль)|Акәба аҭаҵара]]» (1507 шықәса) насгьы апортретқәа - « [[Дама с единорогом (картина Рафаэля)|Аԥҳәызбеи атәыҩазаҵәи]]» (1506-1507 инарзынаԥшуа). Аҿыцрақәа рацәаны ишцәырҵызгьы, Рафаель итрадициатәу атехника еиҳа еиӷьишьон: темперала аус иуан, амҿаҟны ахәшашәыга ихы иаирхәон, ақәатәа аҿы акәымкәа. 1507 азы Рафаельи [[Донато Браманте]]и еибадырит. Ишьақәырӷәӷәам адокументалтә версиа ала, урҭ еиуацәан, иҟалап Браманте иашьа иԥа иакәызҭгьы. Ишыҟазаалакгьы, Браманте иакәхеит абжьгаҩыс иоуз, анаҩсгьы хылаԥшра изызуаз, ашьҭахь Ватикан аусуразы иреиӷьу акандидат ҳәа асахьаҭыхҩы Апапа [[Юлий II|Иули II]] дидигалеит. Рафаель еиҳа-еиҳа ихьӡ-иԥша иацлон, аԥшьацәа рсахьақәа раԥҵаразы адҵақәа рацәаны иоуан: « Иԥшьоу аҭаацәара аԥшьацәа Елизаветеи Иоанн Аӡӡаахҩи рыцны» (1506-1507 шықәсақәа инарзынаԥшуа). «[[Мадонна с безбородым Иосифом|Иԥшьоу аҭаацәара (Мадоннеи аԥаҵа зҿам Иосифи)]]» (1505-1507), «[[Святая Екатерина Александрийская (Рафаэль)|Александриатәи Аԥшьа Екатерина]]» (1507-1508 инарзынаԥшуа). [[Файл:Raffaello Sanzio - Madonna del Cardellino - Google Art Project.jpg|мини|слева|[[Мадонна со щеглом|Мадонна ашьхарҵыс кны]]. 1505-1506 шықәсазы. Амҿы, ахәшашәыга. Уффици, Флоренциа]] Флоренциа ақалақь аҿы Рафаель Мадоннақәа зну асахьақәа ҩажәаҟа аԥиҵеит. Амала, атемақәеи акомпозициақәеи еиҭаҭихуан: Мадонна аӡҟы ма дылгәыдкыланы дылкуп, мамзаргьы [[Иоанн Креститель|Иоанн Аӡӡаахҩы]] ивара дыхәмаруеит, аха “Мадоннақәа” зегьы индивидуалтәқәоуп, насгьы ирныԥшуа ан лыхаарақәа узеидкылом (иҟалап, иан заа лыԥсҭазаара дахьалҵыз Рафаель игәаҿы ашьҭа ӷәӷәа ааннажьзар). Рафаель ихьӡ-иԥша ахьеизҳауаз иабзоураны, азаказқәа рацәаны иоуа далагеит; иара «[[Мадонна Грандука]]» аԥиҵоит (1505), «[[Мадонна с гвоздиками|Мадонна агвоздикақәа кны]] » (1506 шықәса инарзынаԥшуа), «Мадонна абалдахин аҵаҟа» (1506-1508). Ари апериод иреиӷьыз аусумҭақәа рахь иаҵанакуеит «[[Мадонна Террануова]]» (1504-1505), «[[Мадонна со щеглом|Мадонна ашьхарҵыс кны]] » (1506), «Мадоннеи аӡҟи Иоанн Аӡӡаахҩи ([[Прекрасная садовница|Абаҳчааӡаҩ ԥшӡа]])» (1507-1508). === Римтәи аамҭа. Ватикан иусура === [[Файл:"The School of Athens" by Raffaello Sanzio da Urbino.jpg|мини|300px|[[Афинская школа|Афинатәи ашкол]]. 1510-1511 шықәсазы. Аҭыӡсахьа. Астанца делла Сениатура, Ватикан]] [[Файл:Liberazione di san pietro 05.jpg|thumb|200px|справа|Аԥшьа Пиотр аҳаԥсы аҟынтәи ихы иақәиҭтәра. Астанца д'Елиодоро асахьанҵа ахәҭаҷ. 1513-1514]] 1508 шықәса аҩбатәи абжазы Рафаель [[Рим]]ҟа нхара диасит (иԥсы ҭанаҵы уаҟа даанхеит), Браманте ицхыраарала апапа иаҳҭынраҿы аофициалтә сахьаҭыхыҩны дҟалеит. Рим ауп Рафаель аклассицистикатә [[Стиль (искусство)|стиль]] ахьаԥиҵаз, уи алоуп ҳаамҭазгьы иусумҭақәа злаудыруа. Уи атәы 1918 азы иналукааша австриатәи аҟазара аҭоурыхҭҵааҩы [[Дворжак, Макс|Макс Дворжак]] илекциақәа рҿы иазгәеиҭеит, уи «Римтәи астиль» ацәырҵра Рафаель «идеалтә типқәа» раԥҵара иадҳәалоуп ҳәа азгәаҭаны, Рафаель иклассицистикатә стиль «аманера ду» шьаҭас иамоуп ҳәа аликааит. Дворжак ари иуникалтәу астиль аҷыдара хадақәа иреиуоуп ҳәа иазгәеиҭеит «игармониатәу аидеал», иара убас « асахьаркыратә релиативизм»<ref> Дворжак М. История итальянского искусства в эпоху Возрождения. Курс лекций. В 2-х т. — Т. 2. XVI столетие. — М.: Искусство, 1978. — С. 49, 50 </ref>. [[Гращенков, Виктор Николаевич|В. Н. Грашьенков]]гьы ари ахшыҩҵак дадгылон, инаҵшьны иазгәаҭо, асахьаҭыхҩы ирҿиара хықәкыла римтәи апериод аан ауп «Рафаель аклассик иҭыԥ Рафаель аклассицист ианааникылаз» ҳәа<ref> Гращенков В. Н. Рафаэль. — М.: Искусство, 1971. — С. 172 </ref>. Рафаель иаԥҵамҭақәа рҿы, Перуџьинои Брамантеи рныррала, архитектуратә ргыларақәа ҭихуан — ацентртә хыбрақәа, акупол змоу аротондақәа, агьежьбжа змоу ахыбрагьагьақәа. Аҟазаратә стиль ҿыц шьаҭас иамаз «анатура аҭҵаара», ма «ажәытәӡауаа рыҿыԥшра» акәӡамызт,уаанӡа ишазгәарҭоз еиԥш, урҭ рыҩбагьы еицҵаны, аԥсабара иагу ашьахәрақәа абстракттә идеалк аҿаргыланы иаадырԥшуа иалагеит<ref> [[Власов, Виктор Георгиевич|Власов В. Г.]] Римский классицизм // Новый энциклопедический словарь изобразительного искусства. В 10 т. — СПб.: Азбука-Классика. — Т. VIII, 2008. — С. 175 </ref>. М. Дворжак иажәақәа рыла, асахьатә формақәа рестетикатә ҟазшьақәа Рафаель «аҵаки аԥсабара гәык ала азыҟазаареи иреиҳаны » иргылеит. Аестетика ҿыц шьаҭас иаман, акы, bellezza (аԥшӡара), ҩба, maniera grande (аманера ду), уи иаанаго {{Ацитата алагара}}“Аформақәа еиҳа идуны рааԥшра ада, ахәыцшьа ҳаракгьы: иаарԥшу аперсонажқәа иреиҳау абзазашьа ныҟәызго ракәны иҟазар ауп. Убри ауп изыбзоуроу дара рыртәашьа ԥагьагьы, зны-зынла атеатралра зныԥшуа, аха аҩныҵҟатәи ахақәиҭра знубаало, еилыххха иҟоу рнапҟьашьақәа. Аҭагылазаашьақәа атеатралтә ҟазшьа рымоуп, ахаҿсахьа иалоу аҳаҭырқәҵаратә доуҳа инақәыршәаны... аҩныҵҟатәи ахақәиҭреи аҳаҭырқәҵареи рыла иҭәуп... Ари астиль, иҟалап, зегь рыла ажәытәӡатәи атрадициа иахылҵыз акәзар, аха уеизгьы уи зынӡа иеиԥшым акы аанарԥшуан<ref> [[Дворжак, Макс|Дворжак М]]. История итальянского искусства в эпоху Возрождения. Курс лекций. В 2-х т. — Т. 2. XVI столетие. — М.: Искусство, 1978. — С. 49 </ref>{{Ацитата алгара}}. Рафаель иестетикатә кредо инагӡаны, еилыкка иааԥшуеит аграф [[Кастильоне, Бальдассаре|Бальдассар Кастильоне]] иахь ииҩыз еицырдыруа асалам шәҟәаҿы,[[Рим]]тәи [[Вилла Фарнезина]] аҟны аҟаза “[[Триумф Галатеи|Галатеа лтриумф]]” ҳәа изышьҭоу аҭыӡсахьа аус ахьадиулоз инамаданы.(1511ш) Аграф Рафаель иусумҭа гәахәара дула идикылеит, Галатеа лҭыхразы иҟаз амодель дазусҭадаз ҳәа диазҵааит, «аӡгьы» ҳәа ҭакс ианиоу даара иџьеишьеит. Рафаель 1514 шықәсазы Кастильоне аҭак изиҩит: {{Ацитата алагара}}«Галатеиа лтәы ҳҳәозар, сара схы ҟаза дууп ҳәа исыԥхьаӡарын, Шәара Ҳаҭыр зқәу исзышәыҩуа арҽхәаԥхьыӡ дуқәа рыбжак иадамзаргьы аҭыхымҭа ианыԥшуазҭгьы... Иара убасгьы ишәасҳәоит, аԥхәызба ԥшӡа лсахьа ҭысхырц азы, аԥшӡақәа рацәаҩны избар ауп, амала Шәара Ҳаҭыр зқәу уа шәыҟаны, уи лалхраҿы шәсыцхааруазар; Аха аӡбаҩ бзиақәеи аҳәса ԥшӡақәеи ахьмаҷу инамаданы, схаҿы иааиуа аидеиа ауп схы иасырхәо»<ref> Мастера искусства об искусстве. — В 7 т. — М.: Искусство, 1966. — Т. 2. — С. 156—157. Перевод А. И. Аристовой</ref>{{Ацитата алгара}}. Аха, Дворжак ишазгәеиҭаз ала, ас еиԥш иҟоу абстракттә идеалисттә цәырҵра иаарласны акризис ахылҿиааит. Аха XVI-тәи ашәышықәса алагамҭазы ари акризис макьана ирныруамызт. Апапа [[Юлий II|Иули II]] идҵала, насгьы Ватикан архитектор хада [[Донато Браманте]] иҟаиҵаз ажәалагалала, Рафаель адҵа иоуит Ватикантәи ауадақәа рҭыӡқәа асахьақәа рныиҵарц азы. {{Main|Рафаель истанцақәа}} “Рафаель истанцқәа” (италиа бызшәаҟынтә: Le Stanze di Raffaello, италиа Stanzа- ауада: [[Ватикан]] [[Апостольский дворец|Апапа ихан]] ахԥатәи аихагылаҿы иҟоу ԥшь-уадак рыла ишьақәгылоу [[анфилада]]. Анфилада идуқәам х-залк аҵанакуеит, иара убас еиҳа еиҳау еиҭа даҽакгьы, «Константин изал» ҳәа изышьҭоу. Раԥхьа « Астанца делла Сениатура» аҭӡамцқәа ҭыхын,( анапынҵамҭақәа ма аусԥҟақәа руада) Ари ауада иалкаау аҵак ду арҭон. Рафаель ԥшьы-хкыкны иҟоу ауаҩы интеллектуалтә усура аазырԥшуа акомпозициақәа аԥиҵит: адиндырра, аиуриспруденциа, апоезиа, афилософиа- « [[Диспута]]», (1508-1509), « Аҟәыӷара. Ахмырҟьацәареи Амчи»(1511), иара убас зегь иреиӷьӡақәоу «[[Парнас (фреска)|Парнас]]»(1509-1510), « [[Афинская школа|Афинатәи ашкол]]»(1510-1511). Аҭыӡсахьақәа зегьы иреиӷьу, ауадақәа рҿы зегь раасҭа еицырдыруа усумҭоуп ҳәа иԥхьаӡоуп « Афинатәи ашкол», -Аиҭарҿиара аамҭази, [[ренессанс|аренессанстә]] ҟазареи, Рафаель ирҿиамҭақәеи иреиӷьу аԥҵамҭа. Ахьӡ "Афинатәи ашкол" [[Беллори, Джованни Пьетро|Џьованни Пиетро Беллори]] иӡбеит 1672 ш. азы (Le vite de' pittori, scultori et architetti moderni). Аҭыӡсахьа ауада хәыҷы аҭӡамц зегьы ааннакылоит (8 х 10 м). Ашьаҭаҿы афреска аҭбаара: 7,7 м.ыҟоуп Рафаель иусумҭақәа ахаҭәаау «аидеалтә стиль» аҿырԥшы адырԥшуеит, уи иналукааша архитектор, «римнтәи аклассицизм» аԥҵаҩы [[Донато Браманте]] инырра ацхыраарала иҿиеит. Вазари излаиҳәо ала, Браманте иоуп аҭыӡсахьа архитектуратә фон авторс иамоу: ахыргьагьа агьежьбжа, Аполлони Минервеи рбаҟақәа рганқәа. Иџьашьахәу, иҳаракӡоу архитектура афон аҿы иубоит еиуеиԥшым агәыԥқәа рыла Рафаель еидикылаз ажәытәтәи афилософцәа. Афигурақәа апортреҭтә ҟазшьақәа рыҭан, насгьы Аиҭарҿиара аамҭазы инхоз ауаҩы урҭ аперсонажқәа ихааназтәи ауаа рхы-рҿқәа рнибаалон. Убас, [[Платон]] ихаҿсахьаҿы Леонардо да Винчи даарԥшуп, Микеланџьело (аҵыхәтәантәи акомпозициа далагалоуп) инкахәыцуа итәо [[Гераклит]] иакәны даарԥшуп, ациркуль зку [[Евклид]] Браманте исахьа имоуп, арыӷьарахьтәи аганаҿ игылоу [[Птолемей|Птолемеи]] даара Рафаель ихаҭа диеиԥшуп. Аахәаҩи аҟазеи ишырхәыцыз ала, ақьырсиантә [[неоплатонизм]] аидеиақәа инарықәршәаны, ас иҟоу аиԥшзаара ажәытәӡатәи афилософиеи [[теология|атеологиа]] ҿыци реизааигәара асимволра анаҭоит. Урыстәылатәи асахьаҭыхҩы [[Брюллов, Карл Павлович|К.П.Бриуллов]] 1824-1828 шықәсқәа рзы Санкт-Петербургтәи [[Императорская Академия художеств|Аҟазаратә Академиа]] акопиақәа рзал азы, Рафаель иҭыхымҭа «Афинатәи ашкол» акопиа, Италиа ахәшашәыгала ақәатәаҿы иҭихит. Аҭыӡсахьа «[[Диспута]]» (италиан бызшәала: La disputa del sacramento — Иԥшьоу ақьабз иазку аимак) -ақьырсиантә қьабз амаӡақәа ирызку аицәажәара акәӡам, уи ауахәама аҳаракра ауп изызку. Апапа [[Юлий II|Иули II]] иаԥшьигаз аиконографиатә программаҿы аҭыӡсахьа «Диспута» ихадоу акәны иҟоуп. Аҭыӡсахьаҿы иаарԥшу ахҭысқәа мҩаԥысуеит адгьыли ажәҩани рҿы. Ахыргьагьа дуӡӡа, иархитектуратәу ижәҩантәу, ҩ-дунеик еиднакылоит: адгьыли ажәҩани. Амардуанҿаԥса ҭбаақәа аныҳәарҭахь унаргоит. Рафаель икомпозициа «[[Парнас (фреска)|Парнас]]» («Апоезиа»; ахьӡ «Парнас» цәырҵит XIX-тәи ашәышықәсазы) Рафаель, «Диспутеи» «Афинатәи ашколи» рыбжьара ауада мраҭашәаратәи аган аҿы аҭыԥ ылихит. Апоезиа аллегориа аҟаза иаамҭазы иҟаз агуманитартә ҵара ишаҳәоз ала иааирԥшит, [[Франческо Петрарка|Ф.Петрарке]]и, [[Джованни Боккаччо|Г.Боккаччо]]и, [[Салютати, Колюччо|К.Салутати]]и ридеиақәа инарықәршәаны. «Парнас» аҟны [[Аполлон]] жәаҩык [[Музы|амузақәа]] дрыцны даарԥшуп, еицырдыруа жәааҩык ажәытәӡатәи абырзентә, римтәи, италиатәи апоетцәа дрыгәҭылакны. Абырзен, алаҭын, италиатәи аперсонажқәа реилаӡҩара апоезиа иарҭоз аренессанстә ҵакы иалкаау атеологиа ицәырнаго агәацԥыҳәара иақәшәоит<ref> [[Власов, Виктор Георгиевич|Власов В. Г.]]. «Парнас» // Власов В. Г. Новый энциклопедический словарь изобразительного искусства. В 10 т. — СПб.: Азбука-Классика. — Т. VII, 2007. — С. 181 </ref>. Вазари ари акомпозициа иазкны инарҭбааны иҩуеит, аха хыхь-хыхьла: «Убас, Бельведер иаҿаԥшуа аҭӡамц аҿы Парнаси Геликонтәи аӡыхьи ахьыҟоу, ашьха ақәцәани анаарақәеи рҿы адаԥа ҵлақәа рбаҳча ҭихит, урҭ рыбӷьы иаҵәақәа аԥша ҟәымшәышә ишарҵысуа уныруеит,аҳауаҿы - ҵыхәаԥҵәара змам хыԥхьаӡара рацәала зцәа-зжьы хту акупидонқәа, рхы-рҿы ԥшӡақәа аартны, адаԥа амахәҭақәа хырҵәоит, авенокқәа ҟарҵоит, урҭ ахәада зегьы аҟны ирыԥсаҟьоит, ара иҟоу зегьы ииашаҵәҟьаны анцәа иԥсы рхоуп - афигурақәа рыԥшӡарагьы, аҿыханҵа ахазынарагьы. Урҭ ирыхәаԥшуа иџьеимшьар залшом, ауаҩытәыҩсатә гени, ашәыгақәа шыхазынамгьы, асахьа ашьахәра иабзоураны аҭыхымҭа аԥсы ахоушәа аҟаҵара злаилшаз<ref name="Вазари"/>. Аԥхын, 1511ш шықәсазы апапцәа раудиенциазы Рафаель напы аиркит Станца д-Елиодоро аҭыӡсахьақәа рескизқәа (аҭыӡсахьақәа руак ахьӡ ахҵан) Аҭыӡсахьақәа рпрограммаҿы иаарԥшуп, ауахәама аҭоурых иалкаау амоментқәа рзы Анцәа иаиҭоу ахьчара аидеиа, хықәкылатәи асиужетқәа адгьыл аҿы имҩаԥысуа ахҭысқәа Анцәа имч џьашьахә аҽшаланагалоу иазкуп. Ԥшь-композициак иаадыԥшуеит: «Илиодор аныхабаа аҟынтә иқәцара» (1511ш–1512), «Болсенатәи амесса» (1512), «Аԥшьа Пиотр аҳаԥсы аҟынтә ихы иақәиҭтәра » (1513–1514), «Лев Дуи Аттилеи реиԥылара» (1514). Акомпозициа “[[Изгнание Илиодора|Илиодор аныхабаа аҟынтәи иқәцара]]” (италиан бызшәала: Cacciata di Eliodoro dal Tempio) аҭыӡсахьа “Афинатәи ашкол” угәаланаршәоит, аха Рафаель индивидуалтә стиль аеволиуциа аазырԥшуа аекспрессиеи адинамикеи рыла иалкаауп. «[[Месса в Больсене|Больсенатәи амесса]]» (италиан бызшәала: Messa di Bolsena),ақьырсиантә традициа инақәыршәаны, 1263 шықәсазы Рим аҩадахьы иҟоу ақалақь хәыҷы Больсена имҩаԥысыз ахҭыс џьашьахәы ауп. Амесса мҩаԥызгоз апап қәыԥш Евхаристи иԥшьоу амаӡа агәра игомызт — ачеи аҩи Қьырса ицәеижьи ишьеи реиԥш ишыԥшьоу агәыҩбара изцәырнагон. Аныҳәа аан агостиа анышьҭырх [[антиминс]] аҿы хә-ҭыԥк рыҟны ашьа ааит. Абри асиужет иадҳәалоуп аҭыӡсахьа “[[Диспута]]” Станца делла Сениатура аҟны. Акомпозициа «Больсенатәи амесса» аҿы Рафаель Апапа Иули II аныҳәарҭаҿы «Больсенатәи аџьашьахәы» шаҳаҭс дшаиоуз ааирԥшуеит. Аҭыӡсахьа «[[Освобождение Святого Петра из темницы (фреска Рафаэля)|Аԥшьа Пиотр аҳаԥсы аҟынтәи ихы иақәиҭтәра]]» (италиан бызшәала: La Liberazione di San Pietro dal Carcere) (1513-1514) ҟазара дула иҭыхуп. Аиудеиаа раҳ Ирод Агриппа идҵала Апостол Пиотр аҳаԥсы дҭакын. Аусӡбара ҟалараны ианыҟаз ауха, Анцәа илашара дагәҭылакны Амаалықь даацәырҵит, Пиотр дирҿыхеит, ишьамҭлаҳәқәа ихыхны, ицәаз асолдаҭцәа дрывганы аҳаԥсы дҭигеит. Ари акомпозициаҿы Рафаель усҟантәи ашықәсқәа рзы даара имаҷны рхы иадырхәоз аметод ихы иарихәеит: еишьҭаргыланы еидҳәалоу х-епизодк еидикылеит. Агәҭаны амаалықь ицәоу Анцәа ицҳаражәҳәаҩ инапы ихьысуеит. Арымарахь ала, ахьчаҩцәа ирбаз иԥсабаратәым алашара иаршәаҟьан иҩны ицоит. Акомпозициа арӷьарахьтәи аган аҟны амаалықь — Аиҭарҿиара аамҭазтәи аҟазараҿы зегь раасҭа иԥшӡоу афигәрақәа руаӡәк — Пиотр аҳаԥсы дҭигоит. Акомпозициа “[[Пожар в Борго|Борго иҟалаз абылра]] ” (италиан бызшәала: Incendio di Borgo) (1514) аҟны, ари ауадаҿы иаԥҵоу аҭыӡсахьақәа рҟынтәи “Борго абылра астанца” аҿы Рафаель инапы еиҳа иуныруеит, аха Микеланџьело ду иҟынтәи иаагоу амотивқәагьы убоит. Алегенда изларҳәо ала, 847-тәи ашықәсазы Борго (Римтәи апапа ихан иазааигәоу аҭыԥ) абылра ҟалеит, уи еиҳа-еиҳа аҽарӷәӷәон Папа Леон IV Ватикантәи ихан абарҵаҿы дцәырҵны амца ааникылаанӡа. Ари акомпозициаҿы иубарҭоуп ихазынан иҭыху афигәрақәа рацәаны. Арӷьарахь, зныкымкәа асахьаҭыхҩцәа аӡәырҩы иҭырххьаз, аӡы зҭоу аԥҳал зку аԥҳәыс лфигура, агәҭаны - аԥҳәыс лнапқәа шьҭыхны, иара убас аҭӡы ахалара зҽазызшәо арԥыс. Армарахь ала Енеи, амца зку аҩны аҟынтә иаб абырг Анхис иҟәаҟәа дықәҵаны далигоит. Ари ахаҿсахьақәа ргәыԥ иунарбоит асиужет Вергили ипоема "Енеида" аҟынтә ишааагоу, Троиа иҟалаз абылра атәы ахьааирԥшуа. Акыраамҭа иныҟәарақәа рышьҭахь Енеи Италиа иҳәынҭқарра шьақәиргылеит. Убри аҟнытә иара Рим ашьаҭаркҩцәа дыруаӡәкны дыԥхьаӡоуп. “Борго абылра астанца ” — аҵыхәтәантәи уадоуп, Рафаель иҭыӡсахьақәа ахьубарҭоу. Анаҩс аҭыӡсахьақәа рыҟаҵара ицхырааҩцәа ирыдҵан: Џьулио Романо, Џьован Франческо Пенни, Џьованни да Удине уҳәа убас иҵегьы. Уи аамҭазы Рафаель апапа акрызҵазкуа егьырҭ идҵақәа инапы рылакын: Сикстинтәи акапелла аҭӡамцхҟьақәа рзы акартонқәа рыҟаҵара, насгьы Аԥшьа Пиотр ибазилика аргылара хылаԥшра аиҭон, уи аҭыԥ 1514 шықәсазы Браманте иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь иоуит. Аԥшьбатәи ауада- « Константин изал»-Рафаель иҵаҩцәа роуп аҭыӡсахьақәа анызҵаз. [[Файл:Pope Julius II.jpg|thumb|left|Апапа Иули II ипортреҭ. 1511ш. Амҿы, ахәшашәыга. Амилаҭтә галереиа, Лондон]] '''Аҭӡамцхҟьақәа рсериа " Иԥшьоу ацҳаражәҳәаҩцәа русқәа"" 1514 шықәса анҵәамҭазы, Апапа [[Лев X|Леон X]], ихьӡ Ватикантәи [[Сикстинская капелла|Сикстинтәи акапелла]] иадиҳәаларц иӡбеит,уи азы аҭӡамцхҟьақәа рзы акартонқәа<ref> Так называли в Италии тканые ковры по главному центру производства шпалер в XV веке во французском городе Аррас </ref> азаказ ҟаиҵеит [[Деяния святых апостолов|Иԥшьоу ацҳаражәҳәаҩцәа русқәа]] » рышәҟәы асиужетқәа рыла, акапелла арԥшӡаразы. Жәа ҭӡамцхҟьак рыла ( ганцыԥхьаӡа хәба-хәба) акапелла аганахьтәи аҭыӡқәа ҵаҟатәи рыхәҭа ырԥшӡатәын. Урҭ рсиужетқәа Аевангелиеи иԥшьоу ацҳаражәҳәаҩцәа рышәҟәи рҟынтәи иааган, Аԥшьацәа Пиотри Павели рҭоурых аҟынтәи, иара убас апрограмма инақәыршәаны Қьырсеи Моисеи рҭоурыхқәа еиҭазҳәоз, флоренциатәии умбриатәии асахьаҭыхҩцәа 1481-1483 шш.рзы Сикстинтәи акапеллаҿы иҭырхыз аҭыӡсахьақәа иреиԥшын. Апапа игәҭакы инақәыршәаны, аҭӡамцхҟьақәа еидыркылар акәын Ацҳаражәҳәацәа рҭоурыхи адунеи аԥҵара инаркны Анцәа ауаа ирзынижьыз раԥхьатәи ауасиаҭ аҟынӡа (Моисеи изакәан аҩыраӷәы) аҭоурыхи, иара убас [[Микеланџьело|Микеланџьело]] акапелла аплафон аҿы иҭихыз (1508-1512), Иаса Қьырса ацҳаражәҳәаҩ Пиотр « ацаԥхақәа иҭара», насгьы апапцәа рҭоурыхи еиднакылар акәын. Аныҳәатә хҭысқәа анымҩаԥысуаз акапеллаҿы аҭӡамцӡхҟьақәа кнарҳауан. Уажәы урҭ хазы азалаҿы ицәыргақәҵоуп Рафаель еиҳа ихьшәаны иаԥиҵаз асахьақәа инарыцны: [[Мадонна ди Фолиньо]] (1511-1512), «Мариа агәыргьын лхаҵара» (1502-1504) иара убас «Аҽеиҭакра» (1519-1520) [[Ватиканская пинакотека|Ватикантәи Пинакотека]]ҿы, (еиҭныԥсахло, еснагь жәаҩык рҟынтә бжьба). Акапелла ахаҭа аҿы, урҭ рҭыԥан, аҭыӡсахьа атехника ахархәарала «аԥардақәа» иреиԥшны иҭыхуп. Ари асериа иаҵанакуеит абарҭ асиужетқәа: «Листра имҩаԥгаз аԥсаҭара» (Sacrificio di Listra), «Ацыркь ихәшәтәра» (Guarigione dello storpio), «Саул идинхаҵара аиҭакра» (Conversione di Saulo), «Елима лылашәхара» (Punizione di Elima), «Ацаԥхақәа рыҭара», « Иԥшьоу Стефан ахаҳәқәа игәыдҵара» (Lapidazione di santo Stefano), «Павел Афины иҟаиҵаз абжьагажәа» (Predica di san Paolo), «Иԥшьоу Павел аҳаԥсаҿы» (San Paolo in carcere), «Ананиа иԥсра» (Morte di Anania), «Иџьашьахәу аԥсыӡкра» (Pesca miracolosa). Ари аус аҿы аҟаза ицхраауан иҵаҩцәа [[Романо, Джулио|Џьулио Романо]]и [[Пенни, Джанфранческо|Џьованни Франческо Пенни]]и, аха асахьаҭыхымҭақәа зегьы Рафаель ихаҭа иаԥиҵеит<ref> Pierluigi De Vecchi. Raffaello. — Milano: Rizzoli, 1975. — Р. 113 </ref>. Аҭӡамцхҟьақәа ҟаҵан 1517-1519 шықәсқәа рзы [[Брюссель|Бриуссель]] ақалақь аҟны, [[Кук ван Альст, Питер|Питер Кук ван Альст]] имануфактураҿы аҿы [[Орлей, Бернарт|Бернарт ван Орлеи]] далархәны. Раԥхьаӡа 5 м аҩаӡара змаз 7 уарҳалк ҟарҵеит, урҭ роура еизакны 42 м ыҟан<ref> Большая иллюстрированная энциклопедия древностей. — Прага: Артия, 1980. — С. 62 </ref>. Аҭӡамцхҟьақәа рзы абордиурқәа ҟаҵан фламандиатәи [[барокко|абарокко]] астиль ала, [[Ван Дейк, Антонис|Антонис Ван Деик]] иҭыхымҭақәа инарықәыршәаны. Асра знапы алакыз аҳ Иаков I иааиԥхьахьаз афламаниадтәи аҟазацәагьы ракәын<ref> [[Власов, Виктор Георгиевич|Власов В. Г.]]. «Деяния апостолов» // Власов В. Г. Новый энциклопедический словарь изобразительного искусства. В 10 т. — СПб.: Азбука-Классика. — Т. III, 2005. — С. 419 </ref>. Аҭӡамцхҟьақәа ирну афигурақәа рҿы иубарҭоуп Микеланџьело «истиль ҳарак» анырра, иара убас, [[Станцы Рафаэля|Ватикантәи астанца]]ҿы Рафаель иҟаиҵаз «Борго иҟалаз абылра» ҳәа изышьҭоу аҭыӡсахьаҿгьы. Асериа ақәҿиара ду аиуит, иара акырынтә еиҭаҭырхит, Франциа [[Мануфактура Гобеленов|Гобеленаа]]и [[Мануфактура Бове|Бове]]и рмануфактурақәа рҿгьы. Акардинал Ерколе Гонзага 1548 шықәсазы Бриуссельтәи асыҩцәа ари асериа иақәҭырхырц дҵаны ириҭеит. 1563 шықәсазы, иара даныԥсы ашьҭахь, аҭӡамцхҟьақәа Мантуатәи агерцог [[Гульельмо I Гонзага|Гулельмо I Гонзага]] изынижьит. Уажәы урҭ Венециа адожқәа раҳҭынра аҟны «Агобеленқәа руадаҿы» иҟоуп<ref> Pierluigi De Vecchi. La Cappella Sistina. — Milano: Rizzoli, 1999. ISBN 88-17-25003-1 </ref>. Аҭӡамцхҟьақәа рзы акартонқәа 1623ш азы иааихәеит шьҭралатәи апринц, Англиа иаҳхараны иҟаз Чарльз I. Аҳ данԥсы ашьҭахь, аҳҭынратә мазара аҭираҿы, акартонқәа Кромвел иаахәеит, урҭ Уаитхолл абанкеттә зал аҿы акәалаԥқәа ирҭаҵәахын. Амонархиа аиҭашьақәыргылара ашьҭахь, аҳ иҭаацәара раҳратәрахьы ихынҳәит. Аграфство Сиурреи иҟаз Мортлеик амануфактураҿы еиуеиԥшым асериа ҿыцқәа раԥҵаразы акартонқәа рхы иадырхәеит. Анаҩс урҭ [[Хэмптон-Корт|Ҳемптон-Корт]] аҳҭынраҿы иҟаз иҷыдоу агалереиа иҩанрҵеит, уаҟа урҭ 1813 шықәсанӡа иҟан. Анаҩс дара [[Букингемский дворец|Букингемтәи аҳҭынра]]ҿы иҵәахын. 1865 ш инаркны еиқәхаз акартонқәа быжьба [[Лондон]], [[Музей Виктории и Альберта|Викториеи Альберти рыхьӡ зху амузеи]] ахь ииаргеит. "Рафаель илоџьиа" [[Файл:President Trump's Trip Abroad (34079021263).jpg|thumb|220px|left|Ватикан иҟоу Ацҳаражәҳәаҩцәа рхан аҿы "Рафаель илоџьиақәа". 1508-1519 шықәсазы. Архитектор Д. Браманте ипроект. Рафаель Санти иҵаҩцәа рсахьақәа]] 1508 шықәсазы Апапа Иули II архитектор Донато Браманте дҵас ииҭеит [[Апостольский дворец|Апапа ихан]] хыхьтәи аихагылаҿы [[Лоджия|алоџьиа]] еиԥшу агалереиа иргыларц, уантәи Наӡаӡатәи ақалақь уахәаԥшлартә еиԥш. Архитектор аусура далагеит, аха 1514 шықәсазы дыԥсит, аргыларақәа ирыциҵеит Рафаель Санти. «Рафаель илоџьақәа» аамҭа анца дара ус рыхьӡырҵеит, архитектура аҭоурых аҿы XVI-тәи ашәышықәса алагамҭазы иҟаз «римтәи аклассицизм» аҟазара аканонтә ҿырԥштәны иҟалеит. Еиԥшыз жәаха секциа еиҟараны иахьеизшаз, ахаргьагьақәа, апилисатрқәа иаку аритм змоу, еиҿкаау ракәны иааԥшуеит. Аҭӡамцқәа, ахыгьагьақәа, апиластрқәа1517-1519 шш.рзы рсахьа ҭырхуан Рафаель иҵаҩцәа: [[Перино дель Вага]], [[Джулио Романо|Џьулио Романо]], [[Джованни да Удине|Џьованни да Удине]], [[Пенни, Джанфранческо|Франческо Пенни]], [[Рафаэллино дель Колле|Рафаеллино дель Колле]]. Ахагьагьақәа рыҟәшақәа зегьы рҿы Рафаель Ауасиаҭ Ҿыц атемала асиужеттә композициақәа ԥшьба ҭихит. Егьырҭ (ҩажәи жәаа Ажәытәтәи Ауасиаҭ атемала) иаанхаз аҭыԥ [[Гротеск (орнамент)|агротесктә]] [[орнамент|рԥшӡагақәа]] рыла иҵаҩцәа ихадырҭәааит. 1783 ш инаркны 1792 шықәсанӡа [[Санкт-Петербург]] аимператрица [[Екатерина II|Екатерина аҩбатәи]] лзаказала, [[Большой Эрмитаж|Аермитаж Ду]] ахыбраҿы архитектор [[Кваренги, Джакомо|Џьакомо Кваренги]] Рафаель [[Фреска|иҭыӡсахьақәа]] ркопиақәа рыла агалереи аԥиҵеит, Ватикантәи апапа иаҳҭынра ахыбрагьы аазырԥшуа. Уаанӡа гәыԥҩык асахьаҭыхҩцәа (. [[Хаккерт, Якоб Филипп|И. Ф. Хаккерт]], Д. В. Анджелони, [[Петер, Уильям|У. Петер]] уҳәа) 1778 шықәсазы Рим Рафаельи иҵаҩцәеи рҭыӡсахьақәа ркопиа аҟаҵара иалагеит. Аусурақәа напхгара рырҭон [[Унтербергер, Христофор|Х. Унтербергер]]ти [[Раффенштайн, Иоганн Фридрих|И. Ф. Раффенштайн]]и. Акопиақәа ақәатәақәа рҿы иҟаҵан, анаҩс урҭ еикәарҳәны Санкт-Петербургҟа иааргеит. [[Новый Эрмитаж|Аермитаж Ҿыц]] ахыбра андыргылоз, алоџьиақәа 1778-1787 шш рзы еиқәырханы иҟан, урҭ мраҭашәаратәи агалереиа аҩбатәи аихагылаҿы иҟан. 1515 шықәсазы [[Северное Возрождение|Аҩадатәи Аиҭарҿиара]] аамҭазы иналукааша аҟаза [[Дюрер, Альбрехт|Альбрехт Диурер]] Римҟа дааит. Уи Ватикантәи астанцақәа гәеиҭон. Рафаель исахьаҭыхымҭа ииҭеит, уи аҭакс анемец сахьаҭыхҩы Рафаель изааишьҭит ихатәы портреҭ, амала иара анаҩстәи аԥеиԥш еилкаам. === Римтәи аамҭазы иҟаз аныҳәарҭақәеи «Мадоннақәеи» === [[Файл:Transfiguration Raphael.jpg|мини|[[Преображение (Рафаэль)|Аҽеиҭакра]]. 1516-1520 шықәсазы. Амҿы, атемпера. Пинакотека, Ватикан]] Ватикан аусутә рацәаны ишимазгьы, Рафаель аныҳәарҭақәа рсахьақәа рҭыхразы ауахәамақәа рҟынтә азаказқәа наигӡон,: «Аԥшьа Цецилиа» (1514-1515), «Аџьар аныҟәгара» (1516-1517), «[[Иезекииль (пророк)|Иезекииль]] илаԥшҵашәара» (1518 шықәса инарзынаԥшуа). Рафаель жәа сахьак инарзынаԥшуа «Амадоннақәа» Рим иҭихит. Арҭ аԥҵамҭа ҳаракқәоуп ҳәа иԥхьаӡоуп, ркомпозициа еилыкка иҟоуп: «[[Мадонна Альба]]» (1510), « [[Мадонна с рыбой|Аԥсыӡ зку Мадонна]]»,( 1512-1514), « [[Мадонна в кресле|Акресло иқәтәоу Мадонна]]», ( 1513-1514) инарзынаԥшуа. {{Main|Аҽеиҭакра (Рафаель)}} Аҟаза аҵыхәтәантәи [[шедевр|иусумҭа дуӡӡа]] "[[Преображение (Рафаэль)|Аҽеиҭакра]]" (1516-1520) ауп, уи асахьаҿы аҷыдара ҿыцқәа убарҭоуп. Хыхьтәи ахәҭаҿы Рафаель, [[Аевангелие|Аевангелие]] инақәыршәаны, Фавор ашьхаҿы ацҳаражәҳәаҩцәа [[Апостол Пётр|Пиотр]]и, [[Иаков Зеведеев|Иаков]]и, [[Иоанн Богослов|Иоанн]]и рҿаԥхьа Қьырса иҽеиҭакра џьашьахәы ааирԥшуеит. Ацҳаражәҳәаҩцәеи аџьныши ахьаарԥшу асахьа ҵаҟатәи ахәҭа,Рафаель иескизқәа рыла Џьулио Романо иҭихит. Мшаԥымза 6, 1520 шықәсазы Рафаель иԥсҭазаара даналҵ, мышқәак, [[Борго (район)|Борго]] иҩны аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагара рҽаназыҟарҵоз, ихыркәшамыз асахьаҭыхымҭа «Аҽеиҭакра» аԥсы ихаҿы игылан<ref>{{Cite web |url=http://www.nerone.cc/nerone/archivio/arch89.htm |title=Nerone Tours of Italy {{!}} Tours of Rome Florence Venice Naples Pompeii<!-- Заголовок добавлен ботом --> |access-date=2016-10-14 |archive-url=https://web.archive.org/web/20101126154319/http://nerone.cc/nerone/archivio/arch89.htm |archive-date=2010-11-26 |url-status=dead }}</ref>. Рафаель данԥсы ашьҭахь мчыбжьык анҵы, Ватикан асахьаҭыхымҭа « Лазарь Иԥсаҭалара» азааигәара «Аҽеиҭакра» кнарҳаит. [[Файл:RAFAEL - Madonna Sixtina (Gemäldegalerie Alter Meister, Dresde, 1513-14. Óleo sobre lienzo, 265 x 196 cm).jpg|мини|слева|Сикстинтәи Мадонна. 1512-1513 шықәсазы. Ақәатәа, ахәшашәыга.. Ажәытәтәи аҟазацәа ргалереиа, Дрезден]] {{Main| Сикстинтәи Мадонна}} Рафаель иаԥҵамҭақәа зегь раасҭа иссиру ауп еицырдыруа "[[Сикстинская мадонна|Сикстинтәи Мадонна]]" (1512-1513), уи [[Дрезден]]тәи [[Галерея старых мастеров|Ажәытәтәи аҟазацәа ргалереиа]]ҿы 1754ш. инаркны иҟоуп. Шәагаала идуӡӡоу асахьаҭыхымҭа Рафаель иаԥиҵеит [[Пьяченца|Пиаченце]] иҟоу, [[Сикст II|иԥшьоу Сикст аҩбатәи]] иуахәама аныҳәарҭазы. Азаказ ҟазҵаз делла Ровере аҭаацәара ирылиааз, [[Папство|апапа]] [[Юлий II|Иули аҩбатәи]] иоуп. ( Иԥшьоу Сикст делла Ровере рҭаацәара дырхылаԥшуан ҳәа ԥхьаӡан) Асахьа акомпозициа иаанарԥшуеит аҟаза хаҭалатәи ихәыцшьа аеволиуциа. «Заатәи Мадоннақәа» рҿы Рафаель Умбриатәи апеизаж афон аҟны аӡӷабцәа ԥшӡақәа рсахьа ҭихуан. Асахьа [[Мадонна Грандука]] аҿы, иара апеизажтә фон инеитралтәу еиқәаҵәоу, зынӡа еиқәаҵәоу уҳәаргьы ауеит ала иԥсахит,аӡҟы дыкны иналымариашаны игылоу Мариа, Рафаель хагәҵәылатәи аформат дҭаикит. Анаҩс Рафаель абжьаратәи ашәышықәсақәа рзы иҟаз аиератикатә композициақәа рахь дхынҳәызшәа ҟаиҵеит, ахәҭакахьала, [[Одигитрия|Одигитриа]] византиатәи ахкы ахь<ref> [[Власов, Виктор Георгиевич|Власов В. Г.]] Сикстинская Мадонна // Новый энциклопедический словарь изобразительного искусства. В 10 т. — СПб.: Азбука-Классика. — Т. VIII, 2008. — С. 759—760 </ref>. Асахьа акомпозициа традициала [[Святое Собеседование|Иԥшьоу Аицәажәарақәа]] [[Иконография|рныхаҩыра]] иадырҳәалоит, избан акәзар аӡҟы дызку Мадонна илымҵахырхәо аԥшьацәа дрыгәҭылакны даарԥшуп. Уи еиԥшу акомпозициа змоу Рафаель егьи исахьагьы, “Мадонна ди Фолинио” (1511-1512), официалла “Sacra Conversazione” ҳәа иашьҭоуп, насгьы уи “Сикстинтәи Мадонна” шьаҭас иаиуит ҳәа иԥхьаӡоуп, уигьы “аицәажәарақәа” ртрадициа иаҵанакуеит<ref> Pierluigi De Vecchi. Raffaello. — Milano: Rizzoli Editore, 1975. — Р. 108—109 (№ 97, 105) </ref>. XVIII-тәи ашәышықәсазы, алегенда рылаҵәеит (аҭоурыхтә документқәа рыла ишьақәырӷәӷәам) Мадонна лзы модельс дҟалеит Рафаель бзиа иибоз, жәибжь шықәса зхыҵуаз ачаӡҩы иԥҳа Маргарита Лути ҳәа. Рафаель уи [[Форнарина]] лыхьӡиҵеит (италиантәи fornaro - ачаӡҩы). [[Сикст II|Аԥшьа Сикст]] ипрототип иакәын Апапа Иули ([[Сикст IV]] иашьа иԥа), [[Варвара Илиопольская|Аԥшьа Варвара]] лзы- иаҳәшьаԥҳа [[Орсини, Джулия|Џьулиа Орсини]]. Апапа дышиеԥшыз [[Кавальказелле, Джованни Баттиста|Џь.Б.Кавальказелле]]и егьырҭ аӡәырҩи иазгәарҭеит, насгьы иԥшьоу Варвара лпрототип азы Лукрециа делла Ровере лыхьӡгьы рҳәон, апонтифик иаҳәшьаԥҳа<ref> Putscher M. Raphaels Sixtinische Madonna. Das Werk und seine Wirkung. — Tübingen: Hopfer Verlag, 1955. — Р. 38 </ref>. Асахьаҭыхымҭа Мраҭашәаратәи аҟазара иреиҳау [[шедевр|ашедеврқәа]] иреиуоуп ҳәа зегьы еицҿакны иазгәарҭоит, зегь раԥхьаӡа иргыланы [[Композиция (изобразительное искусство)|акомпозициа]] ауадаҩразы, абырзен-римтәи, аԥшӡара [[идеал|аидеал]]и ақьырсиантә цәаныррақәеи рконтаминациа агармониазы. Асахьа изызҭыхыз аҭыԥ ԥшьа (Пиаченца иҟоу Сан-Систо аберҭыԥ) иаҟәыганы, уи асахьақәа ргелереиахь аиагара XVIII-тәи ашәышықәса аинтеллектуалцәа рыбжьара ахәыцра ҵаулақәа цәырнагеит<ref> Gazzola Е. La Madonna Sistina di Raffaello. Storia e destino di un Quadro. — Macerata: Quodlibet, 2013. — ISBN 9788874625246 </ref>. === Апортреҭқәа === [[Файл:Baldassare_Castiglione,_by_Raffaello_Sanzio,_from_C2RMF_retouched.jpg|мини|[[Портрет Бальдассаре Кастильоне|Балдассаре Кастильоне ипортреҭ]]. 1514-1515 шықәсазы. Ахәшашәыга, ақәатәа. Лувр, Париж]] Ауахәамақәа рыдҵала хыԥхьаӡара рацәала иҭихуаз аусумҭақәа рыдагьы, Рафаель апортреҭтә жанр алагьы ирацәаны аус иуан. 1512 шықәсазы иҭихит «Апапа Иули II ипортреҭ». Џь. Вазари иазгәеиҭон: «Иара убри аамҭазы, даара дшеицыдыруазгьы, аҟаза ахәшашәыгала апапа Иули ипортреҭ ҭихит. Асахьа апапа даара иеиԥшын, аԥсы ҭазшәа иҟан. Уи збоз зегьы, апапа иԥсы ҭаны раԥхьа дгылошәа, ргәы хыҭ-хыҭуа иалагон<ref name="Вазари"/>. Апапа икуриа адҵала иҭыхын «Акардинал Алессандро Фарнезе ипортреҭ» (1512 шықәса инарзынаԥшуа), «[[Портрет Льва X с кардиналами Джулио Медичи и Луиджи Росси|Лев Х ипортреҭ, акардиналцәа Џьулио Медичии, Луиџьи России иваргыланы]]» (1517-1518 шықәса инарзынаԥшуа). Абарҭ аусумҭақәа рҟынтәи иалкаауп [[портрет Бальдассаре Кастильоне|Балдассаре Кастильоне]] (1514-1515) ипортреҭ. Акыр шықәса рышьҭахь, ари апортреҭ акопиа [[Рубенс]] иҭихуеит. [[Рембрандт]] раԥхьа уи асахьа ҭихуеит, анаҩс, асахьа анырра инаҭаз иабзоураны, иара ихатәы “[[Автопортрет Рембрандта (1640)|Автопортреҭ]]” ҟаиҵоит. Астанцақәа рҿы аус анимуаз аамҭазы, Рафаель «[[Портрет Биндо Альтовити|Биндо Альтовити ипортреҭ]]» ҭихит (1515 шықәса инарзынаԥшуа). Аҵыхәтәаны Рафаель ихы ҭихит «Ахатәыпортреҭи сҩызеи» (1518-1520) аҟны, аха асахьаҿы Рафаель инапы зыжәҩа иқәиҵаз дарбан ҩызоу иахьагьы еилкааӡам; аҵарауаа зыгәрагара уадаҩу аверсиақәа рацәаны иаадырԥшуеит. === Авилла Фарнезина === {{Main|Авилла Фарнезина}} {{Main|Галатеиа лтриумф}} [[Файл:Raffael 012.jpg|мини|слева| Галатеиа лтриумф. 1511ш. "Галатеиа ллоџьиа". Вилла Фарнезина, Рим]] Абанкир, аҟазара ахылаԥшҩы [[Киджи, Агостино|Агостино Киџьи]] [[Тибр]] аԥшаҳәаҿы авилла иргылеит, уахь Рафаели иҵаҩцәеи ааԥхьара риҭеит ажәытә мифологиа асиужетқәа рыла аҭыӡсахьақәа ҭырхырц азы. Абасала, 1511 шықәсазы «[[Триумф Галатеи|Галатеиа лтриумф]]» захьӡу аҭыӡсахьа цәырҵит. Уаанӡа авилла ианыз асахьақәа Рафаель ихаҭа иусумҭақәаны иԥхьаӡан: «Рафаель абри аҭыӡсахьаҿы аԥаимбарцәеи асивиллақәеи рсахьа ҭихит. Уи иара иаԥҵамҭақәа иреӷьу ҳәа иԥхьаӡоуп, иреиӷьқәоу иреиӷьу. Ииашаҵәҟьаны, уа иану аҳәсеи ахәыҷқәеи рыԥсы ҭазшәа иҟоуп, насгьы ихырку аколорит ала иалукаауеит. Ари аусумҭа иара иԥсы анҭазгьы ахьӡ-аԥша ду изаанагахьан, иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахьгьы иара убас<ref name="Вазари"/>. Аамҭа анца, еилкаахеит, ирацәаӡаны азаказқәа ахьимаз азы, зегь раԥхьаӡа иргыланы, [[Собор Святого Петра|Аԥшьа Пиотр иныхабаа]] аргылара иадҳәалаз аусқәа, Ватикан [[Станцы Рафаэля|астанцақәа]] рҭыӡсахьақәа рҭыхра, уҳәа Рафаель ицхырааҩцәа аҭыӡсахьақәа аус рыдулара рыдиҵо далагеит.Убри аан, азыҟаҵаратә ҭыхымҭақәа рыбжеиҳарак иара Рафаель ихахьы игон, аҭыӡсахьақәа егьырҭ иҟарҵон. Авилла Фарнезина аҿы аус руан иҵаҩцәа: [[Романо, Джулио|Џьулио Романо]], [[Себастьяно дель Пьомбо|Себастьиано дель Пиомбо]], [[Пенни, Джанфранческо|Франческо Пенни]], [[Содома]]. XX-тәи ашәышықәса агәҭаны имҩаԥгаз аҭыӡсахьақәа рреставрациа ашьҭахь еилкаахеит « Галатеиа лтриумф» аҭыӡсахьа еиҳа ихадоу ахәҭақәа иара Рафаель ихаҭа ишҭихыз, егьырҭ- Џьулио Романо<ref> Pierluigi De Vecchi. Raffaello. — Р. 105 </ref><ref> Bajard S., Bencini R. Roms. Paläste und Garten. Paris: Terrail, 1997. S. 15-22 </ref>. «Александр Македонскии Роксанеи рчара» акомпозициа авилла аҩбатәи аихагылаҿы [[Содома]] иаԥиҵеит, ахқәа иалкаау рыхәҭақәак-Рафаель ихаҭа иҭихит. === Архитектура === Рафаель архитектор иаҳасабала иусура иалкаау аҵакы амоуп, уи Браманте римантәи иклассицизми уи иашьҭанеиуаз азеиԥшевропатәи архитектура [[классицизм|аклассицизм]]и аанарԥшуеит, ахәҭакахьала [[Палладианство|Палладиантәи]] ацәырҵра аныԥшуеит. Браманте 1514 шықәсазы идунеи аниԥсах, Рафаель усҟан зыргылара иаҿыз [[Собор Святого Петра|Аԥшьа Пиотр иныхабаа]] архитектор хадас дҟалеит. 1513 шықәсазы Иули II иҭыԥан иҟалаз апапагьы, [[Лев X|Леон X]] - Рафаель иҟазара ҳаҭыр ду ақәиҵон. 1513 шықәсазы иара Рафаель ажәытәӡатәи Рим иаҵанакуа аамҭа актәи археологс дҟаиҵеит. Апонтифик Ду идҵала Рафаель археологиатә ԥшаарақәа дырхылаԥшуан, Ватикантәи аколлекциақәа реидкыларақәа, рышьақәгылара хылаԥшра азиуан, насгьы Наӡаӡатәи ақалақь археологиатә сахьа (аплан) еиқәиршәеит. 1515 шықәса инаркны Рафаель Ватикан «ажәытә ҭынхақәа рзы акомиссар» иҭыԥ ааникылон<ref> Бартенев И. А. Рафаэль и архитектура // Рафаэль и его время: Сборник статей. — М.: Наука, 1986. — С. 80 </ref>. Рим Рафаель ипроект ала иргылан аџьартә- ҟәырӷ змоу аухәама [[Сант-Элиджо-дельи-Орефичи|Сант- Елиџьо- дели- Орефичи]]( аиувелирцәа рцех иԥшьоу аелегиа), иара убас даара зычаԥашьа бзиоу ауахәама [[Санта-Мария-дель-Пополо|Санта- Мариа- дель- Пополо]] акпелла Киџьи(1512-1520). Иара убас Рафаель апроект ҟаиҵеит [[Палаццо Видони-Каффарелли|Палаццо Видони- Каффарелли]] аԥхьатәи ахәҭа(1515), Бранконио дель Аквила(1520 ахыбра еиқәымхаӡеит), иара убасгьы Флоренциа иҟоу [[Палаццо Пандольфини]], уа аусурақәа хирқәшеит Франческо да Сангалло(1516-1520). 1515 азы, Рим аҩада-мраҭашәаратәи аган ахәҭаҿы, Рафаель ипроект ала акардинал Џьулио Медичи (аԥхьаҟа Апапа Климент VII) изы авилла аргылара иалагеит (аргылара хиркәшеит [[Сангалло, Антонио да (младший)|Антонио да Сангалло Аиҵбы]]). Ахыбра «[[Вилла Мадама]]» ҳәа ахьӡырҵеит (уи анаҩс аԥшәымас иаиоуз [[Маргарита Пармская|Маргарита Пармтәи]], ( Маргарита Австиратәи ҳәагьы илышьҭан, ма « [[Мадам]] Маргарет»), Алессандро Медичи иԥшәма ԥҳәыс). Авилла архитектуратә мотив хадақәа еснагь еиԥш — агьежьбжатәи ахыргьагьеи аҟәырӷи ракәын. Авестибиули алоџьиеи агротесктә темақәа рыла иҭыху асахьақәеи [[Рельеф (скульптура)|арелиеф]]қәеи рыла [[декор|ирԥшӡоуп]]. Рафаель афасад акомпозициаеи ааигәара игылоу ахыбрақәа рҷыдарақәеи еснагь еидиҳәалон, ахыбра ашәаагақәееи ахықәки азгәаҭаны, аханқәа зегьы ырԥшӡаны, акы иузаламырҩашьо аҟаҵара иҽазишәон<ref name="БСЭ">{{книга |автор = [[Алпатов, Михаил Владимирович|Алпатов М. В.]] |часть =Рафаэль |заглавие = [[Большая советская энциклопедия]] |ответственный = Гл. ред. [[С. И. Вавилов]]|издание = 2 издание|место = М.|издательство = [[Советская энциклопедия]]|год = 1965}}</ref>. Икомпозициақәа ирышьагәыҭуп ихырқәшоу аплан, асимметриа, афасадқәа апилиастрқәа рыла реихшара. Иҟоуп агәаанагара, архитектуреи аҿыханҵеи рҿы аклассицизм астиль Рафаель иоуп иаԥызҵаз, ихзырқәшазгьы ҳәа. Иусумҭақәа уанрыхәаԥшуа, ииашаҵәҟьаны, урҭ рыҩаӡара шхырқәшоу убоит, анаҩстҽи рырҿиара шзалымшо еиукаауеит<ref> Алпатов М. В. Художественные проблемы итальянского Возрождения. — М.: Искусство, 1976. — С. 10—12 </ref>. === Аҭыхымҭақәеи агравиурақәеи === [[Файл:Raphael Lucretia.jpg|мини|слева|200px|Рафаель. Лукрециа. 1483-1520 шықәсқәа рыбжьара. Ақьаад, акалам, амарқьаф, амел. Метрополитен амузеи, Ниу-Иорк]] [[Файл:Raimondi Lucretia's suicide.jpg|мини|200px|Маркантонио Раимонди. Лукрециа. 1515. Аџьаз аҟны агравиура.]] Рафаель иҭыхымҭақәа ԥшьышә инарзынаԥшуа еиқәхеит. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп асахьаҭыхразы аҽазыҟаҵаратә ҭыхымҭақәа, иҟоуп иара убас зхала иҟоу аусумҭақәагьы. Рафаель ихаҭа агравиурақәа ҟаиҵаӡомызт. Аха иҵаҩцәеи ицхырааҩцәеи — [[Раймонди, Маркантонио|Маркантонио Раимонди]], [[Венециано, Агостино|Агостино Венециано]], [[Денте, Марко|Марко Денте]], Џьованни Антонио Каралио — Рафаель исахьақәеи ихыркәшамыз икомпозициақәеи рхы иархәаны, арепликақәеи акомпозициатә вариациақәеи ҟарҵон. Уи абзоурала, ахәҭакахьала, иӡхьоу Рафаель исахьаҭыхымҭақәа ԥыҭк ҳара ҳаамҭанӡа иааӡеит. Рафаель иҭыхымҭақәа рыла иҟаҵаз агравиурақәа амҩадуқәа ирыԥныз адәқьанқәа рҿы ирҭиуан; урҭ аархәон италиатәи [[Майолика|амаиоликатә]] сахьаҭыхра аҟазацәа, (аҭӡамцхҟьақәа рҭыжьразы акартонқәа ҟазҵоз), амҿлыхқәа ҭаԥызҟоз, аиувелирцәа. Абас ала иҿион Аиҭарҿиара аамҭа иазҷыдаз аҟазаратә еицлабра: иналукааша асахьаҭыхҩы иусумҭа — асахьаҭыхҩы-агравиурақәа ҟазҵоз иусумҭа — анапҟаза иусумҭа уҳәа абарҭ зегьы еимаданы ианыҿиоз. Санкт-Петербургтәи [[Ермитаж|Аермитаж]] аҿы А. Венецианои М. Раимондии ркомпозициақәа зну амаиоликатә чанахқәа ыҟоуп. Насгьы, асахьанҵақәа Рафаель иҭыхымҭақәа ирықәҭыхӡам, урҭ рҿиаратә вариациақәуп, ркомпозициақәа рсахьа шыԥсыҽугьы, Рафаель ихаҭа иескизқәа раасҭагьы еиҳауп. Ари зыхҟьо аформат ахьыгьежьуи, ахьшьытә сахьанҵа аҷыдареи роуп<ref> Михайлова О. Э. Использование композиций произведений Рафаэля и его школы в росписи итальянской майолики // Рафаэль и его время: Сборник статей. — М.: Наука, 1986. — С. 142—154 </ref>. Рафаель иҭыхымҭа “ Парис иусӡбара ” дахәаԥшны (1508-1509). Раимонди аџьаз аҟны иҟаиҵаз агравиура, Џьорџьоне исахьаҭыхымҭа “Ақыҭатә концерт” (1508-1509) еиԥш, иара асхьаҭыхҩы ихаҭа [[Мане, Эдуард|Е. Мане]] ишиҳәоз ала, асахьаҭыхымҭа « [[Завтрак на траве (картина Мане)|Ашьацраҿ шьыбжьхьаҟаҵара]]»(1863) шьаҭас иаиуит<ref> Прокофьев В. Н. Живопись Эдуарда Мане между прошлым и будущим (некоторые вопросы поэтики и стилистики) // Прокофьев В. Н. Об искусстве и искусствознании. — М.: Советский художник, 1985. — С. 128 (письмо Ш. Бодлера Надару от 14 мая 1859 г.)</ref>. === Ажәеинраалақәа === [[Файл:La Fornarina by Raffaello.jpg|мини|слева|229px|[[Форнарина (картина)|Аԥҳәыс қәыԥш лпортреҭ (Форнарина)]]. 1518-1519 шықәсазы. Палаццо Барберини, Рим. Аҵарауаа реиҳараҩык ргәы ишаанагоу ала, асахьаҿы Рафаель бзиа иибоз, имодель [[Форнарина]] даарԥшуп. Рафаель данԥсы ашьҭахь, Џьулио Романо аԥҳәыс лыжәҩахыр аҿы иҭихит «Рафаель Урбинас» ҳәа зныз анапхаҵа.]] [[Файл:Raffaello Sanzio - La Donna Velata.jpg|мини|229px|[[Донна Велата|Донна Велата (Ақәыршә зхоу аԥҳәыс)]]. 1516.ақәатәа, ахәшашәыга. Палаццо Питти, Флоренциа]] Иаамҭазы иҟаз асахьаҭыхыҩцәа реиԥш, иаҳҳәап, [[Микеланџьело|Микеланџьело]], Рафаельгьы ажәеинраалақәа иҩуан. Иахьанӡагьы еиқәханы иҟоуп [[сонет|асонет]]қәа рыцҵаны иҭихыз исахьақәа. Ҵаҟа ижәбоит А. Махов еиҭеигаз асахьаҭыхҩы бзиа иибоз аԥҳәызбацәа руаӡәк илзикыз асонет. {{Ацитата алагара}}Амур, ирмаҷ убла хызкуа алашара Уара иааушьҭыз ҩ-бла џьашьахәык. Урҭ ҳақәдыргәыӷуеит ма ахьҭа, ма аԥхын амца шоура, Аха урҭ арыцҳашьара цәыкәбар хәыҷыкгьы рылам. Сара урҭ рыԥшӡара анысныр, Ишԥасцәыӡи схақәиҭреи сҭынчреи. Ашьхантә иасуа аԥшагьы, ацәқәырԥақәагьы Уи амца рзырцәаӡом сара сахьдырхәуашәа. Ҿымҭӡакәа сыхьанҭара ахгара сазыхиоуп Ашьамҭлаҳәқәа рыла иҿаҳәоу тәыс сыҟаз Урҭ рцәыӡра -аԥсра иаҩызоуп. Сгәаҟрақәа дарбанзаалак еиликаауеит, Агәаҳәарақәа раанкылара злымшаз Абзиабаратә ԥшатлакә ԥсаҭатәыс саиуит.{{Ацитата алгара}} === Рафаель иԥсреи Апантеон аҿы анышә иамадареи === [[Файл:Raphael's grave, Pantheon 2010.jpg|мини|Рафаель исаркофаг Апантеон аҟны. Рим. Аскульптор А. Мунес. 1811—1833]] Рафаель иԥсҭазаара далҵит Рим, мшаԥымза 6,1520 шықәса рзы, 37 шықәса дшырҭагылаз. Џь. Вазари иҩуан, Рафаель «абжьааԥны аасҭа еиҳа қьафурала аамҭа анихига ашьҭахь » дыԥсит ҳәа, аха иахьатәи аҵарауаа ргәы ишаанаго ала, иԥсра зыхҟьаз аԥсыԥ лага-ҩагаратә чымазара имцашоура ӷәӷәала иахьханагалаз иахҟьеит. Аҳақьымцәа иҟарҵаз агха иахҟьеит ҳәа,-апапа иааишьҭыз аҳақьымцәа, ииашамыз адиагноз ықәдыргылеит, ашьакаҭәарала имцашоура ладырҟәырц рҽазыршәеит, уи ахьҭа ӷәӷәа злаланы иҟаз ачымазаҩ изы даара ишәарҭан (ари атәы XVI-тәи ашәышықәсазгьы еилкааны ирыман<ref>{{Cite web|url=https://doi.org/10.1007/s11739-020-02435-8|title=Riva, M.A., Paladino, M.E., Motta, M. et al. The death of Raphael: a reflection on bloodletting in the Renaissance. Intern Emerg Med (2020)}} </ref>). Дыԥсаанӡа, Рафаель иҭаххеит иара ихарџь ала Апантеон аҿы «ажәытәӡатәи ахаҳәтә табернакль еиҭашьақәыргылазарц, насгьы уаҟа Мадонна лҳатәара зықәгылоу аныҳәарҭа дыргыларц, уи аҵаҟа анышә дахьарҭаша аҭыԥ алихит». Ажәытәӡатәи Венера илеиԥшны(егьырҭ ахыҵхырҭақәа рыла, Исида) аҳаҭәара аҟаҵара идиҵеит иҵаҩы, аскульптор, архитектор Лоренцо Лотти, хьыӡшьас [[Лоренцетто]] ҳәа зарҳәоз. Аскульптура "Мадонна дель Сассо" ҳәа иашьҭалеит (италиан бызшәала: Мадонна дель Сассо - Ашьха Мадонна, мамзаргьы Ахаҳәтә), избан акәзар Мадонна лшьапқәа ахаҳә иқәгылоуп. Аха аҟаза ду анышә дахьамадаҵәҟьоу еилкаамызт<ref>La Morte di Raffaello. — URL: [http://la-morte-di-raffaello-da-urbino.blogspot.com/2016/11/tomba-di-raffaello-al-pantheon-la-morte.html] {{Wayback|url=http://la-morte-di-raffaello-da-urbino.blogspot.com/2016/11/tomba-di-raffaello-al-pantheon-la-morte.html|date=20220118213141}}</ref>. цәыббрамза 14, 1833ш азы, асахьаҭыхҩцәа, [[Папская академия литературы и изящных искусств|аҟазара апапа иакадемиа]] алахәылацәа ражәалагалала, Апапа Григори XVI изин ала, дахьжыҵәҟьоу аилкааразы, аӡҟы дызку Мадонна лҳатәара зықәгылаз аплита аадыртит. Уи ахҭыс иалахәын апапа икуриа ахаҭарнакцәа, апапа ицҳаражәҳәаҩ, акардинал Викарио Зурла, аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа рыцҳаражәҳәаҩцәа, ауахәама ахаҭарнакцәа, Рим ақалақь ахаҭарнакцәа, анотариусцәа, аҳақьымцәа, археологцәа. Урҭ инарҷыданы,уи аамҭазы Рим иаҭааны иҟаз еицырдыруаз ашәҟәыҩҩцәеи аҟазацәеи: И. Ф. Овербек, Б. Торвальдсен, К. П. Бриуллов, О. Верне, Ф. А. Бруни, А. А. Иванов уҳәа убас егьырҭгьы. Зегьы ааидкыланы хынҩажәи жәохәҩык ауаа. Асахьаҭыхҩы [[Камуччини, Винченцо|Винченцо Камуччини]] акардама аартра апроцесс аарԥшразы иҷыдоу азин иҭан. Иара иаарту акардамеи аԥсыбаҩи рсахьа ҭихит, урҭ литографиала иҭрыжьит. Мызкы иалагӡаны Рафаель иԥсыбаҩ зегьы иахьырбоз иқәыргылан, анаҩс уи ажәытәӡатәи Римтәи асаркофаг иҭарҵеит, иара апапа иколекциа аҟынтәи ириҭеит. Асаркофаг ахҩа аҟны алаҭинтә епитафиа анырҵеит. Уи иҩит италиатәи агуманист, акардинал [[Бембо, Пьетро|Пиетро Бембо]]: «ILLE HIC EST RAPHAEL TIMUIT QUO SOSPITE VINCI / RERUM MAGNA PARENS ET MORIENTE MORI» ( ара анышә дамадоуп Рафаель дуӡӡа, иԥсы анҭаз аԥсабара даииаир ҳәа ишәон, даныԥсы ашьҭахь иара ԥсыр ҳәа ишәон). Асаркофаг ҭыԥк аҿы ишьҭаҵаны, асаркьа ала ихырҩеит. Ахҩа аҿы адаԥа иалху аџьазтә венок арҭеит, акардама ахыхь- игәыдеибакыло ҩ-ҳәыҳәк, Антонио Муниос искульптура (1811) Акомпозициа атеатралтә ҟазшьа шамоугьы, иара уныруеит, избан акәзар «асаркофаг аҿы аӡәгьы иеиԥшымкәа, аԥштәқәеи ацәаҳәақәеи аԥсҭазаара рыхҵара здыруаз аӡәы иԥсыбаҩ ыҟоуп»<ref>Власов В. Г. Пантеон и пантеоны. Умножение наименований: культурно-исторические и мнемонические аспекты изучения памятников классической архитектуры // Архитектон: известия вузов. — 2020. — № 2(70). — URL: [http://archvuz.ru/2020_2/5] {{Wayback|url=http://archvuz.ru/2020_2/5|date=20210603064838}}</ref>. === Рафаелески === Иналукааша италиатәи аҟазацәа ирҿыԥшқәоз, рышьҭамҭа ихылақәоз аҵаҩцәа традициала иааркьаҿны ирышьҭоуп: “Џьоттески”, “Леонардески”, “Џьорџьонески”... “Рафаелескиқәа” рахь иаҵанакуеит аҟаза иҟазарҭаҿы аус зуаз ицхырааҩцәа, Рафаель данԥсы ашьҭахь, зхала аус зуаз: [[Романо, Джулио|Џьулио Романо]], [[Себастьяно дель Пьомбо|Себастиано дель Пиомбо]], [[Перино дель Вага]], [[Пенни, Джанфранческо|Франческо Пенни]], Џьованни да Удине, [[Содома]]. Зегь реиҳа абаҩхатәра иман архитектор, аҿыханҵаҩ [[Романо, Джулио|Џьулио Романо]]. Ирҵаҩы истиль ала иҟаҵаз иусумҭақәа, зны-зынлагьы иескизқәа рыла иҟаиҵоз, рыхә ҳаракны иршьомызт аамҭак ицаныз ауаа. Аха, уи XVI-тәи ашәышықәса аҩбатәи азбжазы италиатәи аҟазара аҿиараҿы анаҩстәи акыр зҵазкуа аетап [[маньеризм|аманиеризм]] аҟазара ашьаҭаркҩцәа дыруаӡәкхеит. Еиҳараӡак иара Рим аус иуан, аха зегь реиҳа иоригиналтәу иргылареи исахьанҵақәеи [[Мантуя|Мантуа]] иҟоуп — [[Палаццо дель Те]]. Џьованни Нанни [[Удине]]ҟа дхынҳәит, уаҟа иара иаԥиҵеит акыр зҵазкуа асахьаҭыхымҭақәа. Франческо Пенни [[Неаполь]]ҟа нхара диасит, аха дышқәыԥшыз дыԥсит. Перино дель Вага Флоренциеи [[Генуя|Генуе]]и аус иуан. === Рафаель ирҿиаратә метод аҭоурыхтә хәшьарақәа === Рафаель иусумҭақәа рыҭҵааҩцәеи рдырыҩцәеи реиҳараҩык иазгәарҭоит иҟазара иацу аласреи апластикеи. “Еснагь аҵара дазхиан, еиуеиԥшым аныррақәа идикылон: [[Перуджино|Перуџьино]] “ихәыцуа Мадоннақәа” рҟәымшәышәра, Леонардо да Винчи и[[сфумато]], иара убас “акомпозициатә хкәакь”, иҟазара аҵыхәтәантәи аетапаҿы Микеланџьело ифигурақәа рпластика ду. Иара анатура акырӡа аус адиулон, ашьшьы-шьшьыҳәа ескизк аҟынтә даҽа ескизкахь диасуа, акомпозициа еибакапануа,аформа шьахәны иҟаиҵон. « Иара изы аҟазара ргәаҟгамызт ма еилкаам хықәкымызт. Еиҳа-еиҳа иҟазара ршьахәуа, Рафаель иҿаԥхьа инаигӡашаз азҵаатәқәа ықәиргылон. Рафаель еснагь иҟаиҵон егьырҭ иҟарҵарц ирҭахыз». Г. Виольфлин ихшыҩҵак ҵар инақәршәаны «Микеланџьелои Леонардои рҟазара инаҭаз анырра илан игәаҭеиуа»<ref> Вёльфлин Г. Классическое искусство. Введение в изучение итальянского Возрождения. — СПб.: Алетейя, 1997. — С. 84, 88 </ref>. Рафаель иҭоурыхтә лшамҭаны иҟоуп, иҟазараҿы еиуеиԥшым ҩ-дунеик акны иахьеидиҳәалаз — ақьырсиантә дунеии аклассикатә дунеии”<ref> Гращенков В. Н. Об искусстве Рафаэля. — С. 10 </ref>. Жәашықәсала имҩаԥысуаз «[[Спор о древних и новых|Ажәытәқәеи аҿатәқәеи рзы аимак]]» ([[классицизм|аклассицизм]] адгылаҩцәеи [[барокко|абарокко]] адгылаҩцәеи) асахьаҭыхреи аскульптуреи Парижтәи Акралтә Академиа анапхгаҩы [[Лебрен, Шарль|Шарль Лебрен]] абҵарамза 5,1667 шықәсазы аклассикатә ҿыханҵа ашедеврқәа рзы лекциақәа рцикл ааиртит. Раԥхьатәи илекциа Рафаель ирҿиара иазикит. Европатәи [[Академизм|аҟазаратә академиақәа]] зегьы рҿы “Анцәахша Рафаель” иҟазара еталонс иҟан, насгьы зеиӷьыҟам ҿырԥшыгас иԥхьаӡан. Рафаелизм апологетцәа рҟынтә еиҳа иалкаауп [[Менгс, Антон Рафаэль|Антон Рафаель Менгс]]и [[Энгр, Жан Огюст Доминик|Џь. Енгар]]и. Рафаель иусумҭақәа ирымҵахырхәон [[Кальдара, Полидоро|Полидоро да Караваџьо]], [[Франча, Франческо|Франческо Франча]]. Ахәҭакахьала, Енгар иазгәеиҭеит: «Фидии Рафаели рышьҭахь аҟазараҿы акрызҵазкуа ҳәа уаҳа акгьы аартра залшом... Рафаель насыԥ иман ҳәа рҳәоит. Ааи, аха уи зыхҟьо уи ԥсабаратәла лакьыс узиҭомызт, дынцәахшан,Микеланџьело иусумҭа дуқәа уанрыхәаԥшуа, гәыкала урҭ ушдыршанхогьы, урҭ рҿы ааԥсарак аҷыдарақәа убарҭоуп. Рафаель иҟны даҽакала иҟоуп. Иаԥҵамҭақәа зегьы ссирӡақәоуп; Анцәа иаԥҵамҭақәа реиԥш, урҭ ԥшатлакәҵас ицәырҵыз рҿиаратә гәазыҳәара ссирк ала иҿиазшәа ауп ишыҟоу»<ref> Энгр об искусстве. — М.: Изд-во Академии художеств СССР, 1962. — С. 74, 81 </ref>. Рафаель иҟазарахь абас еиԥш иҟаз азнеишьа, аамҭа анца ашьҭахь аҭактә реакциа аиуит: аҟазараҿы [[романтизм|аромантизм]]и [[Реализм (живопись)|ареализм]]и рыдгылаҩцәа рыкритика обиект хаданы Рафаель дҟарҵеит. Милан, Рим ақалақьқәа рҿы Рафаель иҟазара нҭкааны иҭызҵааз аурыс сахьаҭыхҩы [[Иванов, Александр Андреевич|А. А. Иванов]] иазгәеиҭеит, Рафаель исахьақәа иааидкыланы «аграциеи аҳаракыреи» рҟазшьоуп ҳәа<ref> Мастера искусства об искусстве. М.: ИЗОГИЗ, 1937. Т. IV. С. 125 </ref>. 1883 шықәсазы Рафаель Санти диижьҭеи ԥшьышә шықәса аҵра ныҳәа дула иазгәарҭеит. [[Санкт-Петербург]] иҟоу [[Императорский фарфоровый завод|Аимператортә фарфортә зауад]] аҿы, аимператор [[Александр III]] идҵала, ари арыцхә азы Ватикан иҟоу “Рафаель илоџьиақәа” агротескқәа рмотивқәа рыла, асахьаҭыхҩы С. Р. Романов исахьанҵақәа зну “Рафаель исервиз” ҭрыжьит<ref>Рафаэлевский сервиз ИФЗ [http://farfor-expert.ru/rafaelevskij-serviz/] {{Wayback|url=http://farfor-expert.ru/rafaelevskij-serviz/|date=20220118182531}}</ref>. == Иусумҭақәа рыхәԥса == [[Файл:Raffaello Sanzio, - cartoon for the Head of a Young Apostle, c.1519-20.jpg|мини|справа|"Ацҳаражәҳәаҩ қәыԥш ихы"]] Ԥхынҷкәынмза 5, 2012ш азы [[Сотбис|Сотсбис]] аукцион аҟны ирҭиит Рафаель исахьа “Ацҳаражәҳәаҩ қәыԥш ихы” (1519-1520) асахьаҭыхымҭа “Аҽеиҭакра” азы. Ахәԥса £29,721,250 фунт стерлинг артәет, раԥхьатәи ахә аасҭа ҩынтә еиҳан. Ари аҿыханҵатә усумҭақәа рзы ирекордуп<ref>{{Cite web |url=http://www.sothebys.com/en/auctions/ecatalogue/2012/old-master-british-paintings-evening-l12036/lot.52.lotnum.html |title=Сайт Sotheby’s |access-date=2013-01-19 |archive-date=2018-02-20 |archive-url=https://web.archive.org/web/20180220033607/http://www.sothebys.com/en/auctions/ecatalogue/2012/old-master-british-paintings-evening-l12036/lot.52.lotnum.html |url-status=live }}</ref>. == Аҟазараҿы ахаҿсахьа == === Акиносахьақәа === * 2017 - Рафаель. Аҟазара аҭауад<ref>В некоторых русских источниках — «Принц», в англоязычном прокате — ''The Lord'' (of the arts)</ref> / Рафаелло: Il Principe delle Arti (реж. Лука Виотто / Лука Виотто) - адокументалтә-хәмарратә, Рафаель Санти ироль аҿы - Флавио Паренти / Флавио Паренти, Џьованни Манти ироль аҿы - Енрико Ло Версо / Енрико Ло Версо === Афилателиаҿы === <gallery> Файл:The Soviet Union 1970 CPA 3956 stamp ('The Conestabile Madonna' (Raphael)).jpg|Рафаель исахьаҭыхымҭа "Мадонна Конестабиле", 1970 [[СССР]] [[Почтовая марка|аԥошьҭатә марка]]ҿы. Файл:USSR 1983 5305 3111 0.jpg|Рафаель исахьаҭыхымҭа " Иԥшьоу Аҭаацәара", 1983 [[СССР]] [[Почтовая марка|аԥошьҭатә марка]]ҿы. Файл:КПД СССР, 1983 г. со спецгашением. 500 лет со дня рождения Рафаэля.jpg|[[Конверт первого дня|Раԥхьатәи амш аконверт (КПД)]], СССР, 1983 ш., [[Специальное гашение|аҷыдатә ԥошьҭатә штамп]] зцу. Рафаель диижьҭеи хәышә шықәса аҵра. Файл:GDR-stamp Raffael 1955 Mi. 509.JPG|Рафаель исахьаҭыхымҭа "Сикстинтәи Мадонна", 1955 [[ГДР]] [[Почтовая марка|аԥошьҭатә марка]]ҿы. </gallery> == Шәахә. иара уб. == * [[Список работ Рафаэля|Рафаель иҭыхымҭақәа рсиа]] * [[Мадонны Рафаэля|Рафаель Имадоннақәа]] * [[Станцы Рафаэля|Рафаель истанцақәа]] * [[Портреты Рафаэля|Рафаель ипортреҭқәа]] * [[Форнарина]] * [[Рафаэль (кратер)|Рафаель (акратер)]] * [[Леонардо да Винчи]] * [[Микеланџьело|Микеланџьело Буанарроти]] * [[Тициан|Тициан Вечеллио]] * [[Сандро Боттичелли]] == Азгәаҭақәа == {{Reflist|2}} == Алитература == * {{Книга |автор = Санти Б. |заглавие = Рафаэль |издание = |оригинал = ''Santi Bruno'' Raffaello (1993) |ответственный=Пер. с ит. И. С. Фомичёва|место = М. |издательство = Слово |год = 1995 |страницы=|страниц = 80 |isbn=|ref = Санти Б.}} * ''Кристоф Т.'' Рафаэль. — Taschen. 2005 * {{книга | автор = {{comment|Махов А. Б.|Александр Борисович}} | заглавие = Рафаэль | место = М. | издательство = [[Молодая гвардия (издательство)|Молодая гвардия]] | год = 2011 | серия = [[Жизнь замечательных людей]] | страниц = 376[8] | isbn = 978-5-235-03462-4 | тираж = | ref = }} * {{Книга |автор = [[Стам, Соломон Моисеевич|Стам С. М.]] |заглавие = Флорентийские мадонны Рафаэля : Вопросы идейного содержания |место = Саратов |издательство = Издательство [[Саратовский университет|Саратовского университета]] |год = 1982 |страниц = 80 }} * {{книга |автор = [[Элиасберг, Нора Ефимовна|Элиасберг Н. Е.]] |заглавие = Рафаэль |ссылка = |ответственный = |издание = |место = М. |издательство = [[Искусство (издательство)|Искусство]] |год = 1961 |страниц = 56 }} * [[Гращенков, Виктор Николаевич|Гращенков В. Н.]] Рафаэль. — М.: Искусство, 1975. — 25000 экз. == Азхьарԥшқәа == * [http://www.rafaelsanti.ru/ Сайт, посвящённый творчеству Рафаэля Санти]{{In lang|ru}} * [http://top-antropos.com/religion/jesus-maria/item/134-madonny-rafajelja Мадонны Рафаэля (42 картины)] * [http://www.art-drawing.ru/gallery/category/696-raphael Рафаэль Санти. Картины] [http://www.art-drawing.ru/biographies/brief-biographies/1213-raphael и биография] * Сонеты Рафаэля Санти в переводах Павла Алешина: https://rosa-mundi.ru/section/raffaello_sanzio {{Авторитет змоу адыррақәа}} [[Акатегориа:Римтәи апантеон аҿы анышә иамадақәоу]] [[Акатегориа:XVI ашәышықәсазы Италиа аскульпторцәа]] [[Акатегориа:Италиатәи аиҭарҿиара аамҭазы аскульпторцәа]] [[Акатегориа:Агәчымазара иахҟьаны зыԥсҭазаара иалҵқәаз]] [[Акатегориа:Италиатәи аиҭарҿиара аамҭазы асахьаҭыхҩцәа]] [[Акатегориа:XVI ашәышықәсазы Италиа асахьаҭыхҩцәа-амонументалистцәа]] [[Акатегориа:Амифологиатә тематикала ирҿиоз асахьаҭыхыҩцәа]] [[Акатегориа:XVI ашәышықәсазы Италиа асахьаҭыхыҩцәа]] ip1cc9xgdhkh0wr5kn55hlpqxfsnih5 170640 170637 2026-07-27T16:40:58Z Nart17 17397 Афилателиа: КПД асахьа ахы иҭагалоу — аиҭагаҩ иҟынтәи (Астанда Кецба) 170640 wikitext text/x-wiki {{Аиҭархара|Рафаель|Рафаель (еилыркаара)|Рафаель захьӡу ма изыжәлоу егьырҭ ауаа ирызку, иара убасгьы даҽа ҵакқәак змоу.}} {{Акарточка артист | ахьӡ = Рафаелло Санцио | афото = Raffaello Sanzio.jpg | ахҵара = Ахатәыпортреҭ. 1504 - 1506 Амҿы, атемпера. 33 × 47,5 см. [[Уффици]], [[Флоренция|Флоренциа]] | атәылауаҩра = [[Файл:Banner_of_Arms_of_the_Duchy_of_Urbino.svg|border|22px]] [[Герцогство Урбино|Урбинотәи агерцогцәа рыдгьылқәа]] | амилаҭра = италиаа | Азанааҭ = асахьаҭыхҩы, аҿыханҵаҩ, аҭыхҩы, архитектор | аԥсра зыхҟьаз = агәчымазара | аԥсыжра аҭыԥ = [[Пантеон (Рим)|Апантеон]], [[Рим]] | арҿиара дуқәа = [[Сикстинская мадонна|Сикстинтәи Мадонна]]<br />[[Афинская школа|Афинатәи ашкол]]<br />[[Преображение (Рафаэль)|Аҽеиҭакра]]<br />[[Триумф Галатеи|Галатеиа лтриумф]]<br />[[Станцы Рафаэля|Рафаель истанцқәа]] | амеценат = [[Юлий II|Апапа Иули II]], [[Лев X|Апапа Леон X]], [[Киджи, Агостино|Агостино Киџьи]] <!-- Аҵаҟатәи апараметрқәа ҭацәуп мап ацәкра азы: Викидырра аурыс текст ҭанаргылоит, ru-источник аҿы урҭ ҭацәын. Иарбанзаалак ҭаргылара RU-источник иацәыхьчалатәуп. --> | анхарҭа = | алма-матер = | аусураҭаҩ = | инырит = | анашьамҭақәа = | амазара = | апартиа = | адин = | аԥҳәыс = | ахаҵа = | ацынхаҩы = | ахәыҷқәа = | амаҵура = | аcаит = }} '''Рафаель Санти да Урбино'''<ref>{{Cite web |url=http://gramota.ru/slovari/dic/?ag=x&word=%D1%80%D0%B0%D1%84%D0%B0%D1%8D%D0%BB%D1%8C%D1%81%D0%B0%D0%BD%D1%82%D0%B8 |title=Ударение в Словаре имён собственных |access-date=2022-04-18 |archive-date=2021-05-02 |archive-url=https://web.archive.org/web/20210502142941/http://gramota.ru/slovari/dic/?ag=x&word=%D1%80%D0%B0%D1%84%D0%B0%D1%8D%D0%BB%D1%8C%D1%81%D0%B0%D0%BD%D1%82%D0%B8 |url-status=live }}</ref>, мамзаргьы '''Рафаелло Санцио''' (итал. Raffaello Santi, Raffaello Sanzio, Rafael, Raffael da Urbino, Rafaelo; хәажәкырамза [[Хәажәкырамза 26|26]] ма [[Хәажәкырамза 28|28]], ма [[Мшаԥымза 6|мшаԥымза 6]]<ref name="BRE">{{БРЭ|автор=[[Назарова, Ольга Алексеевна|О. А. Назарова]]|2=28|3=264—266|статья=Рафаэль|ссылка=https://old.bigenc.ru/fine_art/text/3495496|архив=https://web.archive.org/web/20230610205947/https://old.bigenc.ru/fine_art/text/3495496|архив дата=2023-06-10}}</ref>, [[1483|1483ш]], [[Урбино]] —[[Мшаԥымза 6|мшаԥымза 6]],[[1520]], [[Рим]]) - [[Изобразительное искусство Италии|Италиатәи]] [[художник|асахьаҭыхҩы]], [[живописец|аҿыханҵаҩ]], [[Рисунок|аҭыхҩы]], [[умбрийская школа|умбриатәи]], [[Флорентийская школа живописи|флоренциатәи]] [[архитектор]], уи ашьҭахь - Римтәи [[Школа (в науке и искусстве)|ашкол]]. [[Высокое Возрождение|Иреиҳау Аиҭарҿиара]], ма XVI-тәи ашәышықәса алагамҭазы "Римтәи классицизм" аҟазара ахаҭарнакцәа дыруаӡәкын. Иара ҩажәи жәибыжь шықәса роуп иниҵыз, қәра дук шныимҵызгьы, [[Италиа|Италиа]] еицырдыруаз, амал змаз асахьаҭыхҩцәа дыруаӡәкхеит. Рафаель иусумҭақәа рҿы иааирԥшит [[Ренессансный гуманизм|аренессанстә гуманизм]] иҳараку аидеиақәа, ажәытәӡантәи иаауа, наӡаӡатәи аԥшӡареи ақьырсиантә дунеихәаԥшышьеи реидкылара илиршеит. Иҭыхымҭа «[[Сикстинская мадонна|Сикстинтәи Мадонна]]» лсахьа аҭоурых аҿы зегь реиҳа еицырдыруа асахьақәа ирхыҵхьаӡалоуп; аурыс шәҟәыҩҩы [[Достоевски, Фиодор Михаил-иԥа|Фиодор Достоевски]] зегь реиҳа бзиа иибоз асахьаҭыхымҭақәа иреиуоуп<ref>{{cite web|url=http://www.mirfilologa.ru/articles/ruslit/20vek/162-sikstinskaya-madonna-v-russkoj-literature-khkh-veka|title=«Сикстинская мадонна» в русской литературе XX века|publisher=www.mirfilologa.ru|access-date=2019-07-30|archive-date=2019-07-14|archive-url=https://web.archive.org/web/20190714224120/http://mirfilologa.ru/articles/ruslit/20vek/162-sikstinskaya-madonna-v-russkoj-literature-khkh-veka|url-status=live}}</ref>. == Ирҿиаратә нысымҩа == Рафаель иусумҭақәа удыршанхоит рформа еилыкка иахьыҟоу, [[Композиция (изобразительное искусство)|ркомпозициа]] ахьымариоу, насгьы ауаҩы иҳаракыреи иԥшӡареи [[Неоплатонизм|рнеоплатонтә]] идеал аарԥшра ахьилшази рзы<ref> Christian K. Vision and the Visionary in Raphael. — Penn State Press: 2011. —ISBN 978-0-271-03704-2 </ref>. Рафаельи [[Микеланџьело|Микеланџьелои]], [[Леонардо да Винчи|Леонардо да Винчии]] Иреиҳау Аиҭарҿиара аамҭа иаҵанакуа хҩык аҟазацәа дуӡӡақәа ҳәа иԥхьаӡоуп. “Рафаель насыԥ змаз сахьаҭыхҩын. Уи ӷәӷәала аус иуан, аха илаз аҟазара Микеланџьело иеиԥш, даргәаҟуамызт, мамзаргьы Леонардо да Винчи иеиԥш иузеилымкаауа маӡаны иҟамызт. Иара иҟазара еилкаан, иҭынчын, иҳаракын, идеалтәын. Ииашаҵәҟьаны иҟазара классикатәын"<ref> Гращенков В. Н. Об искусстве Рафаэля // Рафаэль и его время. — М.: Наука, 1986. — С. 7 </ref>. Рафаель Леонардо да Винчи иаасҭа ҩажәи жәеиза шықәсала деиҵбын, Микеланџьело —аашықәса, уи аамҭа ҿыц иаҵанакуаз аҿар дырхаҭарнакхеит, иара 1520 шықәсазы иаамҭамкәа иԥсҭазаара даналҵ инаркны, Италиа Иреиҳау Аиҭарҿиара аамҭа ииасуа иалагеит<ref> [[Власов, Виктор Георгиевич|Власов В. Г.]] Рафаэль Санти // Стили в искусстве. В 3-х т. — СПб.: Кольна. Т. 3. — Словарь имён, 1997. — С. 220 </ref>. Рафаель зеиԥшыҟам аҟазара злаз сахьаҭыхҩын, аҟазарҭа ду напхгара азиуан, иара ишьҭахь аусумҭақәа рацәаны иаанижьит. Ирҿиамҭақәа, ҳәарада, х-етапкны, х-стильк рыла еихшоуп, раԥхьаӡа акәны урҭ дрыхцәажәеит [[Вазари, Джорджо|Џьорџьо Вазари]]: [[Умбрия|Умбриа]] раԥхьатәи ишықәсқәа, анаҩс ԥшьышықәса раҟара (1504-1508) [[Флоренция|Флоренциа]] асахьаҭыхратә традициақәа зныԥшуаз аамҭа, уи ашьҭахь аҵыхәтәантәи итриумфтә усура-жәаҩа шықәса [[Рим|Рим,]] ҩыџьа апапцәа: [[Юлий II|Иули II]], [[Лев X|Леон X]] (1508—1520)рхаан. === Аҭоурыхҭҵаара === Рафаель иусумҭақәа иахьагьы аспециалистцәа иҭырҵаауеит, адискуссиақәа мҩаԥыргоит. Иҳаҩсыз жәашықәсақәа ирылагӡаны, ҿыц ицәырҵыз адыррақәа инарықәыршәаны, « Анцәахша Рафаель» изкны ирҩыз XVI-тәи ашәышықәсазы Џьорџьо Вазари, XIX-тәи ашәышықәса аҵыхәтәаны [[Вёльфлин, Генрих|Генрих Виолфлин]] ашәҟәы «Аклассикатә ҟазара» (1899) аҿы ирҩыз, «[[Пассаван, Иоганн Давид|И. Д. Пассаван]] Рафаель изку раԥхьатәи имонографиаҿы, мамзаргьы А. Миронов [[Энциклопедический словарь Брокгауза и Ефрона|Брокгаузи Ефрони Ренциклопедиатә жәар]] аҿы ирҩыз рацәаны еиҭарҿыцын. Ахәҭакахьала, Иреиҳау Аиҭарҿиара аҟазара змырԥсыҽуа, акультураҿы “рафаелизм” аҭыԥи арольи иааннакыло аҭыԥи арольи еиҭарыхәаԥшын, “рафаелескқәа” ( аҟаза иҵаҩцәеи ишьҭрақәлаҩцәеи), [[маньеризм|аманиеризм]] ахь ирымоуа зыҟазаашьа. Аха Рафаель ирҿиамҭақәа адунеизегьтәи аҟазара аҭоурых аҿы ирымоу ароль дуӡӡа аҵакы гәыҩбарак узцәырнагаӡом. === Урбино имҩаԥысыз ихәыҷреи иҿареи === Рафаель Санти заа иани иаби ицәыӡит. Иан Марџьи Чарла дыԥсит 1491 шықәсазы. Иаб [[Санти, Джованни|Џьованни Санти]] Урбино агерцог иҟны,[[Гвидобальдо да Монтефельтро|Гуидобальдо да Монтефельтро]] аҳҭынраҿы сахьаҭыхҩыси поетси дыҟан. Иара 1494 шықәсазы иԥсҭазаара далҵит, аха дахьӡеит иԥа асахьаҭыхразы раԥхьатәи аурокқәа иҭара<ref>{{книга|автор=Srinivasan, A.|заглавие=World Famous Artists|ссылка=https://books.google.ru/books?id=IXvcvv1Fnw8C&pg=PA21|pages=21|isbn=81-7478-522-1}}</ref>. Ажәохәтәи ашәышықәса аҩбатәи абжазы Урбино аус зуаз Лучиано Лаурана, [[Франческо ди Джорджо|Франческо ди Џьорџьо]] Мартини, [[Пьеро делла Франческа|Пиеро делла Франческа]] иара асахьаҭыхра ирҵараҿы акырӡа аҵак ду нарыгӡеит. Рафаель Санти зегь раԥхьатәи иусумҭа, «Мадонна аӡҟы дыкны», иахьагьы [[Урбино]] ақалақь аҿы иҟоу [[Дом-музей Рафаэля Санти|Рафаель иҩны амузеи]] аҿы иҟоуп. Асахьаҭыхҩы раԥхьатәи иусумҭақәа иреиуоуп “Иԥшьоу ахҩеила рсахьа зну ахоругвь” (1499-1500 шықәсқәа инарзынаԥшуа), иара убас «Толентинотәи Иԥшьоу Николаи игәаргьынхаҵара»(1500-1501) [[Читта-ди-Кастелло|Читта ди Кастелло]] иҟоу Сант-Агостино ауахәама. === Аҵара. Умбриатәи аамҭа === [[Файл:PalaOddiRaffaello.jpg|мини|слева|Аҭыԥҳа агәыргьын лхаҵара ([[Алтарь Одди|Одди иныҳәарҭа]]). 1502-1504 шықәсазы. Ақәатәа,атемпера (амҿы аҟынтәи еиҭагоуп). Ватикан, Пинакотека.]] 1501 инаркны Рафаель [[Перуджа|Перуџье]] (Умбриа) иҟаз [[Пьетро Перуджино|Пиетро Перуџьино]] иҟазарҭаҿы аҵара иҵон, аусгьы иуан. Уи аамҭазы, иара лассы-лассы Перуџьи ааныжьны [[Урбино]], [[Читта-ди-Кастелло|Читта ди Кастелло]] игылаз иҩныҟа дцалон, [[Пинтуриккьо|Пинтуриккио]] дицны [[Сиена]]ҟа дцон, Читта ди Кастеллои Перуџьиеи рҟынтә иоуаз азаказқәа наигӡон. 1502 азы ицәырҵуеит раԥхьатәи “рафаель имадонна”-“ [[Мадонна Солли]] ”. Мадоннеи аӡҟи рсахьақәа - Рафаель қәыԥш зегь реиҳа бзиа иибоз теман, иԥсы ҭанаҵы ус еиԥш иҟаз асахьақәа ҭихуан. Аха иара заатәи «Мадоннақәа иҭынчу Умбриатәи апеизаж афонаҿ » (А. Н. Бенуа) Перуџьино истиль ала иҭыхын. Џь. Вазари излеиҳәо ала, Рафаель раԥхьатәи иусумҭақәа Перуџьино исахьақәа ирылукаартә иҟам. Егьырҭ раԥхьатәи аусумҭақәа рахь иаҵанакуеит «[[Сон рыцаря|Арыцар иԥхыӡ]]», «[[Три грации (Рафаэль)|Х-грациак]]»(рыҩбагьы 1504 шықәса инарзынаԥшуа). [[Дворжак, Макс|Макс Дворжак]] иазгәеиҭахьан, Рафаель «Умбриатәи аҟазацәа рҵаҩы иаҳасабала далагеит, нас Фра Бартоломео Флоренциа иааирԥшуаз адинтә-идеалисттә хырхарҭа дадгылеит ҳәа.Рафаель Римҟа диасаанӡа иԥсҭазаара далҵызҭгьы, иара ҳаамҭазы умбриа-флоренциатәи ашкола аҟазацәа бзиақәа дырхыԥхьаӡалахон, уи аҩаӡарагьы дахысран дыҟамызт. Наӡаӡатәи ақалақь ауп иара истиль дуи ирҿиара ауниверсалтә ҵаки рышьаҭа зҳаз<ref> Дворжак М. История итальянского искусства в эпоху Возрождения. Курс лекций. — М.: Искусство, 1978. — Т. II. — XVI столетие. — С. 45 </ref>. Хәыҷы-хәыҷла Рафаель ихатә стиль ааирԥшит. Асахьа «[[Обручение Девы Марии (картина Рафаэля)|Мадоннеи ԥаҵа зҿам Иосифи]]» (1504) аҿы Пиетро Перуџьино абри атемала иҟаиҵаз акомпозициа даҽазныкгьы иаагоуп, аха асахьақәа рҭыхра апластикаҿы аҵаҩы ирҵаҩы дииааит. Одди иныҳәарҭазы иҭихыз асахьаҿы «[[Алтарь Одди|Мариа Қьырса хәыҷ дыкны]] » (1504 шықәса инарзынаԥшуа), Рафаель иԥшааит анаҩстәи иусумҭақәа рҿы еиқәиршәашаз акомпозициа. Аныҳәарҭа рзы акомпозициа дуқәа рыдагьы, Рафаель иаԥиҵеит асахьа хәыҷқәа: «[[Мадонна Конестабиле]]» (1502-1504), «Агәылшьап зшьуа Аԥшьа Георги » (1504-1505 инарзынаԥшуа) насгьы апортреҭқәа - «Пиетро Бембо ипортреҭ» (1504-1506). 1504 шықәсазы Урбино ақалақь аҿы Рафаель афилософ, ашәҟәыҩҩы, афилантроп, аграф [[Кастильоне, Бальдассаре|Балдассаре Кастильоне]] диабадырит, уии иареи аиҩызара ӷәӷәеи асалам шәыҟәқәеи рыбжьалеит, ахәҭакахьала, Рафаель иҭихыз аҭыӡсахьа “[[Триумф Галатеи|Галатеиа лтриумф]]” иадҳәалоу, аҟазара аҭоурых аҿы еицырдыруаз ашәҟәқәа. === Флоренциатәи аамҭа. "Флоренциатәи Амадоннақәа" === [[Файл:Raphael Madonna with Beardless St. Joseph.jpg|мини|[[Мадонна с безбородым Иосифом|Мадонна аԥаҵа зҿам Иосиф дицны]] (Иԥшьоу аҭаацәара) 1506. Темпера, ақәатәа, ахәшашәыга (амҿы аҟынтәи еиҭагоуп). Аҳәынҭқарратә Ермитаж, Санкт-Петербург]] 1504 шықәса ахырқәшамҭазы Рафаель [[Флоренция|Флоренциа]]ҟа нхара диасит. Абраҟа [[Леонардо да Винчи|Леонардо да Винчии]] иареи еибадырит, иара убас [[Микеланџьело|Микеланџьело]], [[Фра Бартоломео|Бартоломео делла Порта]] уҳәа егьырҭ Флоренциатәи аҟазацәа аӡәырҩы. Инҭкааны иҭиҵаауан Леонардо да Винчи иҿыханҵатә техника, и[[сфумато]]. Рафаель егьырҭ аҟазацәа реихьӡарақәа ирласны идикылон, иҵон, иӡхьоу Леонардо да Винчи исахьаҭыхымҭа “Ледеи амшынҟызи” аҟынтәи Рафаель иҭыхымҭа нханы иҟоуп, иара убас Микеланџьело иҭыхымҭа “Аԥшьа Матфеи” аҟынтәи. «...Леонардои Микеланџьелои русумҭақәа рҿы иибаз атехникақәа ирыбзоураны, иара иҵегьы аусура иҽадицало далагеит, урҭ рҟынтәи иҟазареи иҟазшьеи рзы ахәарҭа ду алигарц азы», ​​— ҳәа иҩуан Џь. Вазари<ref name="Вазари">{{книга |автор = Джорджо Вазари. |часть = |заглавие = Жизнеописания наиболее знаменитых живописцев, ваятелей и зодчих|оригинал = |ссылка = |ответственный = |издание = |место = М.|издательство = АЛЬФА-КНИГА |год = 2008|том = |страницы = |страниц = |серия = |isbn = |тираж = }}</ref>. “Иҳәаатәхаз” ​​асахьа акәхеит “[[Положение во гроб (картина Рафаэля)|Акәыба аҭаҵара]]”, уи аҟаза раԥхьатәи “Умбриатәи астиль” ацәхьаҵразы иҟаиҵаз аҽазышәара аанарԥшуан. Рафаель раԥхьаӡа Флоренциа Аньоло Дони иҟынтәи, уи иԥҳәыси иареи рпортреҭқәа ҭихразы азаказ иоуит, аҵыхәтәантәи Леонардо да Винчи иҭыхымҭа « [[Мона Лиза|Мона Лиза дель Џьокондо]]» Рафаель инаҭаз анырра аныԥшит. Иара убри аамҭазы, Аньоло Дони изы Микеланџьело Буонарроти «[[Мадонна Дони]]» [[тондо|атондо]] аԥиҵеит. Флоренциа Рафаель аныҳәарҭатә сахьақәа ҭихит: «Аҳ итәарҭаҿ итәо Мадонна Иоанн Аӡӡаахҩи Баринтәииҿ Николаи лыцны» (1505 шықәса иназынаԥшуа), «[[Положение во гроб (Рафаэль)|Акәба аҭаҵара]]» (1507 шықәса) насгьы апортретқәа - « [[Дама с единорогом (картина Рафаэля)|Аԥҳәызбеи атәыҩазаҵәи]]» (1506-1507 инарзынаԥшуа). Аҿыцрақәа рацәаны ишцәырҵызгьы, Рафаель итрадициатәу атехника еиҳа еиӷьишьон: темперала аус иуан, амҿаҟны ахәшашәыга ихы иаирхәон, ақәатәа аҿы акәымкәа. 1507 азы Рафаельи [[Донато Браманте]]и еибадырит. Ишьақәырӷәӷәам адокументалтә версиа ала, урҭ еиуацәан, иҟалап Браманте иашьа иԥа иакәызҭгьы. Ишыҟазаалакгьы, Браманте иакәхеит абжьгаҩыс иоуз, анаҩсгьы хылаԥшра изызуаз, ашьҭахь Ватикан аусуразы иреиӷьу акандидат ҳәа асахьаҭыхҩы Апапа [[Юлий II|Иули II]] дидигалеит. Рафаель еиҳа-еиҳа ихьӡ-иԥша иацлон, аԥшьацәа рсахьақәа раԥҵаразы адҵақәа рацәаны иоуан: « Иԥшьоу аҭаацәара аԥшьацәа Елизаветеи Иоанн Аӡӡаахҩи рыцны» (1506-1507 шықәсақәа инарзынаԥшуа). «[[Мадонна с безбородым Иосифом|Иԥшьоу аҭаацәара (Мадоннеи аԥаҵа зҿам Иосифи)]]» (1505-1507), «[[Святая Екатерина Александрийская (Рафаэль)|Александриатәи Аԥшьа Екатерина]]» (1507-1508 инарзынаԥшуа). [[Файл:Raffaello Sanzio - Madonna del Cardellino - Google Art Project.jpg|мини|слева|[[Мадонна со щеглом|Мадонна ашьхарҵыс кны]]. 1505-1506 шықәсазы. Амҿы, ахәшашәыга. Уффици, Флоренциа]] Флоренциа ақалақь аҿы Рафаель Мадоннақәа зну асахьақәа ҩажәаҟа аԥиҵеит. Амала, атемақәеи акомпозициақәеи еиҭаҭихуан: Мадонна аӡҟы ма дылгәыдкыланы дылкуп, мамзаргьы [[Иоанн Креститель|Иоанн Аӡӡаахҩы]] ивара дыхәмаруеит, аха “Мадоннақәа” зегьы индивидуалтәқәоуп, насгьы ирныԥшуа ан лыхаарақәа узеидкылом (иҟалап, иан заа лыԥсҭазаара дахьалҵыз Рафаель игәаҿы ашьҭа ӷәӷәа ааннажьзар). Рафаель ихьӡ-иԥша ахьеизҳауаз иабзоураны, азаказқәа рацәаны иоуа далагеит; иара «[[Мадонна Грандука]]» аԥиҵоит (1505), «[[Мадонна с гвоздиками|Мадонна агвоздикақәа кны]] » (1506 шықәса инарзынаԥшуа), «Мадонна абалдахин аҵаҟа» (1506-1508). Ари апериод иреиӷьыз аусумҭақәа рахь иаҵанакуеит «[[Мадонна Террануова]]» (1504-1505), «[[Мадонна со щеглом|Мадонна ашьхарҵыс кны]] » (1506), «Мадоннеи аӡҟи Иоанн Аӡӡаахҩи ([[Прекрасная садовница|Абаҳчааӡаҩ ԥшӡа]])» (1507-1508). === Римтәи аамҭа. Ватикан иусура === [[Файл:"The School of Athens" by Raffaello Sanzio da Urbino.jpg|мини|300px|[[Афинская школа|Афинатәи ашкол]]. 1510-1511 шықәсазы. Аҭыӡсахьа. Астанца делла Сениатура, Ватикан]] [[Файл:Liberazione di san pietro 05.jpg|thumb|200px|справа|Аԥшьа Пиотр аҳаԥсы аҟынтәи ихы иақәиҭтәра. Астанца д'Елиодоро асахьанҵа ахәҭаҷ. 1513-1514]] 1508 шықәса аҩбатәи абжазы Рафаель [[Рим]]ҟа нхара диасит (иԥсы ҭанаҵы уаҟа даанхеит), Браманте ицхыраарала апапа иаҳҭынраҿы аофициалтә сахьаҭыхыҩны дҟалеит. Рим ауп Рафаель аклассицистикатә [[Стиль (искусство)|стиль]] ахьаԥиҵаз, уи алоуп ҳаамҭазгьы иусумҭақәа злаудыруа. Уи атәы 1918 азы иналукааша австриатәи аҟазара аҭоурыхҭҵааҩы [[Дворжак, Макс|Макс Дворжак]] илекциақәа рҿы иазгәеиҭеит, уи «Римтәи астиль» ацәырҵра Рафаель «идеалтә типқәа» раԥҵара иадҳәалоуп ҳәа азгәаҭаны, Рафаель иклассицистикатә стиль «аманера ду» шьаҭас иамоуп ҳәа аликааит. Дворжак ари иуникалтәу астиль аҷыдара хадақәа иреиуоуп ҳәа иазгәеиҭеит «игармониатәу аидеал», иара убас « асахьаркыратә релиативизм»<ref> Дворжак М. История итальянского искусства в эпоху Возрождения. Курс лекций. В 2-х т. — Т. 2. XVI столетие. — М.: Искусство, 1978. — С. 49, 50 </ref>. [[Гращенков, Виктор Николаевич|В. Н. Грашьенков]]гьы ари ахшыҩҵак дадгылон, инаҵшьны иазгәаҭо, асахьаҭыхҩы ирҿиара хықәкыла римтәи апериод аан ауп «Рафаель аклассик иҭыԥ Рафаель аклассицист ианааникылаз» ҳәа<ref> Гращенков В. Н. Рафаэль. — М.: Искусство, 1971. — С. 172 </ref>. Рафаель иаԥҵамҭақәа рҿы, Перуџьинои Брамантеи рныррала, архитектуратә ргыларақәа ҭихуан — ацентртә хыбрақәа, акупол змоу аротондақәа, агьежьбжа змоу ахыбрагьагьақәа. Аҟазаратә стиль ҿыц шьаҭас иамаз «анатура аҭҵаара», ма «ажәытәӡауаа рыҿыԥшра» акәӡамызт,уаанӡа ишазгәарҭоз еиԥш, урҭ рыҩбагьы еицҵаны, аԥсабара иагу ашьахәрақәа абстракттә идеалк аҿаргыланы иаадырԥшуа иалагеит<ref> [[Власов, Виктор Георгиевич|Власов В. Г.]] Римский классицизм // Новый энциклопедический словарь изобразительного искусства. В 10 т. — СПб.: Азбука-Классика. — Т. VIII, 2008. — С. 175 </ref>. М. Дворжак иажәақәа рыла, асахьатә формақәа рестетикатә ҟазшьақәа Рафаель «аҵаки аԥсабара гәык ала азыҟазаареи иреиҳаны » иргылеит. Аестетика ҿыц шьаҭас иаман, акы, bellezza (аԥшӡара), ҩба, maniera grande (аманера ду), уи иаанаго {{Ацитата алагара}}“Аформақәа еиҳа идуны рааԥшра ада, ахәыцшьа ҳаракгьы: иаарԥшу аперсонажқәа иреиҳау абзазашьа ныҟәызго ракәны иҟазар ауп. Убри ауп изыбзоуроу дара рыртәашьа ԥагьагьы, зны-зынла атеатралра зныԥшуа, аха аҩныҵҟатәи ахақәиҭра знубаало, еилыххха иҟоу рнапҟьашьақәа. Аҭагылазаашьақәа атеатралтә ҟазшьа рымоуп, ахаҿсахьа иалоу аҳаҭырқәҵаратә доуҳа инақәыршәаны... аҩныҵҟатәи ахақәиҭреи аҳаҭырқәҵареи рыла иҭәуп... Ари астиль, иҟалап, зегь рыла ажәытәӡатәи атрадициа иахылҵыз акәзар, аха уеизгьы уи зынӡа иеиԥшым акы аанарԥшуан<ref> [[Дворжак, Макс|Дворжак М]]. История итальянского искусства в эпоху Возрождения. Курс лекций. В 2-х т. — Т. 2. XVI столетие. — М.: Искусство, 1978. — С. 49 </ref>{{Ацитата алгара}}. Рафаель иестетикатә кредо инагӡаны, еилыкка иааԥшуеит аграф [[Кастильоне, Бальдассаре|Бальдассар Кастильоне]] иахь ииҩыз еицырдыруа асалам шәҟәаҿы,[[Рим]]тәи [[Вилла Фарнезина]] аҟны аҟаза “[[Триумф Галатеи|Галатеа лтриумф]]” ҳәа изышьҭоу аҭыӡсахьа аус ахьадиулоз инамаданы.(1511ш) Аграф Рафаель иусумҭа гәахәара дула идикылеит, Галатеа лҭыхразы иҟаз амодель дазусҭадаз ҳәа диазҵааит, «аӡгьы» ҳәа ҭакс ианиоу даара иџьеишьеит. Рафаель 1514 шықәсазы Кастильоне аҭак изиҩит: {{Ацитата алагара}}«Галатеиа лтәы ҳҳәозар, сара схы ҟаза дууп ҳәа исыԥхьаӡарын, Шәара Ҳаҭыр зқәу исзышәыҩуа арҽхәаԥхьыӡ дуқәа рыбжак иадамзаргьы аҭыхымҭа ианыԥшуазҭгьы... Иара убасгьы ишәасҳәоит, аԥхәызба ԥшӡа лсахьа ҭысхырц азы, аԥшӡақәа рацәаҩны избар ауп, амала Шәара Ҳаҭыр зқәу уа шәыҟаны, уи лалхраҿы шәсыцхааруазар; Аха аӡбаҩ бзиақәеи аҳәса ԥшӡақәеи ахьмаҷу инамаданы, схаҿы иааиуа аидеиа ауп схы иасырхәо»<ref> Мастера искусства об искусстве. — В 7 т. — М.: Искусство, 1966. — Т. 2. — С. 156—157. Перевод А. И. Аристовой</ref>{{Ацитата алгара}}. Аха, Дворжак ишазгәеиҭаз ала, ас еиԥш иҟоу абстракттә идеалисттә цәырҵра иаарласны акризис ахылҿиааит. Аха XVI-тәи ашәышықәса алагамҭазы ари акризис макьана ирныруамызт. Апапа [[Юлий II|Иули II]] идҵала, насгьы Ватикан архитектор хада [[Донато Браманте]] иҟаиҵаз ажәалагалала, Рафаель адҵа иоуит Ватикантәи ауадақәа рҭыӡқәа асахьақәа рныиҵарц азы. {{Main|Рафаель истанцақәа}} “Рафаель истанцқәа” (италиа бызшәаҟынтә: Le Stanze di Raffaello, италиа Stanzа- ауада: [[Ватикан]] [[Апостольский дворец|Апапа ихан]] ахԥатәи аихагылаҿы иҟоу ԥшь-уадак рыла ишьақәгылоу [[анфилада]]. Анфилада идуқәам х-залк аҵанакуеит, иара убас еиҳа еиҳау еиҭа даҽакгьы, «Константин изал» ҳәа изышьҭоу. Раԥхьа « Астанца делла Сениатура» аҭӡамцқәа ҭыхын,( анапынҵамҭақәа ма аусԥҟақәа руада) Ари ауада иалкаау аҵак ду арҭон. Рафаель ԥшьы-хкыкны иҟоу ауаҩы интеллектуалтә усура аазырԥшуа акомпозициақәа аԥиҵит: адиндырра, аиуриспруденциа, апоезиа, афилософиа- « [[Диспута]]», (1508-1509), « Аҟәыӷара. Ахмырҟьацәареи Амчи»(1511), иара убас зегь иреиӷьӡақәоу «[[Парнас (фреска)|Парнас]]»(1509-1510), « [[Афинская школа|Афинатәи ашкол]]»(1510-1511). Аҭыӡсахьақәа зегьы иреиӷьу, ауадақәа рҿы зегь раасҭа еицырдыруа усумҭоуп ҳәа иԥхьаӡоуп « Афинатәи ашкол», -Аиҭарҿиара аамҭази, [[ренессанс|аренессанстә]] ҟазареи, Рафаель ирҿиамҭақәеи иреиӷьу аԥҵамҭа. Ахьӡ "Афинатәи ашкол" [[Беллори, Джованни Пьетро|Џьованни Пиетро Беллори]] иӡбеит 1672 ш. азы (Le vite de' pittori, scultori et architetti moderni). Аҭыӡсахьа ауада хәыҷы аҭӡамц зегьы ааннакылоит (8 х 10 м). Ашьаҭаҿы афреска аҭбаара: 7,7 м.ыҟоуп Рафаель иусумҭақәа ахаҭәаау «аидеалтә стиль» аҿырԥшы адырԥшуеит, уи иналукааша архитектор, «римнтәи аклассицизм» аԥҵаҩы [[Донато Браманте]] инырра ацхыраарала иҿиеит. Вазари излаиҳәо ала, Браманте иоуп аҭыӡсахьа архитектуратә фон авторс иамоу: ахыргьагьа агьежьбжа, Аполлони Минервеи рбаҟақәа рганқәа. Иџьашьахәу, иҳаракӡоу архитектура афон аҿы иубоит еиуеиԥшым агәыԥқәа рыла Рафаель еидикылаз ажәытәтәи афилософцәа. Афигурақәа апортреҭтә ҟазшьақәа рыҭан, насгьы Аиҭарҿиара аамҭазы инхоз ауаҩы урҭ аперсонажқәа ихааназтәи ауаа рхы-рҿқәа рнибаалон. Убас, [[Платон]] ихаҿсахьаҿы Леонардо да Винчи даарԥшуп, Микеланџьело (аҵыхәтәантәи акомпозициа далагалоуп) инкахәыцуа итәо [[Гераклит]] иакәны даарԥшуп, ациркуль зку [[Евклид]] Браманте исахьа имоуп, арыӷьарахьтәи аганаҿ игылоу [[Птолемей|Птолемеи]] даара Рафаель ихаҭа диеиԥшуп. Аахәаҩи аҟазеи ишырхәыцыз ала, ақьырсиантә [[неоплатонизм]] аидеиақәа инарықәршәаны, ас иҟоу аиԥшзаара ажәытәӡатәи афилософиеи [[теология|атеологиа]] ҿыци реизааигәара асимволра анаҭоит. Урыстәылатәи асахьаҭыхҩы [[Брюллов, Карл Павлович|К.П.Бриуллов]] 1824-1828 шықәсқәа рзы Санкт-Петербургтәи [[Императорская Академия художеств|Аҟазаратә Академиа]] акопиақәа рзал азы, Рафаель иҭыхымҭа «Афинатәи ашкол» акопиа, Италиа ахәшашәыгала ақәатәаҿы иҭихит. Аҭыӡсахьа «[[Диспута]]» (италиан бызшәала: La disputa del sacramento — Иԥшьоу ақьабз иазку аимак) -ақьырсиантә қьабз амаӡақәа ирызку аицәажәара акәӡам, уи ауахәама аҳаракра ауп изызку. Апапа [[Юлий II|Иули II]] иаԥшьигаз аиконографиатә программаҿы аҭыӡсахьа «Диспута» ихадоу акәны иҟоуп. Аҭыӡсахьаҿы иаарԥшу ахҭысқәа мҩаԥысуеит адгьыли ажәҩани рҿы. Ахыргьагьа дуӡӡа, иархитектуратәу ижәҩантәу, ҩ-дунеик еиднакылоит: адгьыли ажәҩани. Амардуанҿаԥса ҭбаақәа аныҳәарҭахь унаргоит. Рафаель икомпозициа «[[Парнас (фреска)|Парнас]]» («Апоезиа»; ахьӡ «Парнас» цәырҵит XIX-тәи ашәышықәсазы) Рафаель, «Диспутеи» «Афинатәи ашколи» рыбжьара ауада мраҭашәаратәи аган аҿы аҭыԥ ылихит. Апоезиа аллегориа аҟаза иаамҭазы иҟаз агуманитартә ҵара ишаҳәоз ала иааирԥшит, [[Франческо Петрарка|Ф.Петрарке]]и, [[Джованни Боккаччо|Г.Боккаччо]]и, [[Салютати, Колюччо|К.Салутати]]и ридеиақәа инарықәршәаны. «Парнас» аҟны [[Аполлон]] жәаҩык [[Музы|амузақәа]] дрыцны даарԥшуп, еицырдыруа жәааҩык ажәытәӡатәи абырзентә, римтәи, италиатәи апоетцәа дрыгәҭылакны. Абырзен, алаҭын, италиатәи аперсонажқәа реилаӡҩара апоезиа иарҭоз аренессанстә ҵакы иалкаау атеологиа ицәырнаго агәацԥыҳәара иақәшәоит<ref> [[Власов, Виктор Георгиевич|Власов В. Г.]]. «Парнас» // Власов В. Г. Новый энциклопедический словарь изобразительного искусства. В 10 т. — СПб.: Азбука-Классика. — Т. VII, 2007. — С. 181 </ref>. Вазари ари акомпозициа иазкны инарҭбааны иҩуеит, аха хыхь-хыхьла: «Убас, Бельведер иаҿаԥшуа аҭӡамц аҿы Парнаси Геликонтәи аӡыхьи ахьыҟоу, ашьха ақәцәани анаарақәеи рҿы адаԥа ҵлақәа рбаҳча ҭихит, урҭ рыбӷьы иаҵәақәа аԥша ҟәымшәышә ишарҵысуа уныруеит,аҳауаҿы - ҵыхәаԥҵәара змам хыԥхьаӡара рацәала зцәа-зжьы хту акупидонқәа, рхы-рҿы ԥшӡақәа аартны, адаԥа амахәҭақәа хырҵәоит, авенокқәа ҟарҵоит, урҭ ахәада зегьы аҟны ирыԥсаҟьоит, ара иҟоу зегьы ииашаҵәҟьаны анцәа иԥсы рхоуп - афигурақәа рыԥшӡарагьы, аҿыханҵа ахазынарагьы. Урҭ ирыхәаԥшуа иџьеимшьар залшом, ауаҩытәыҩсатә гени, ашәыгақәа шыхазынамгьы, асахьа ашьахәра иабзоураны аҭыхымҭа аԥсы ахоушәа аҟаҵара злаилшаз<ref name="Вазари"/>. Аԥхын, 1511ш шықәсазы апапцәа раудиенциазы Рафаель напы аиркит Станца д-Елиодоро аҭыӡсахьақәа рескизқәа (аҭыӡсахьақәа руак ахьӡ ахҵан) Аҭыӡсахьақәа рпрограммаҿы иаарԥшуп, ауахәама аҭоурых иалкаау амоментқәа рзы Анцәа иаиҭоу ахьчара аидеиа, хықәкылатәи асиужетқәа адгьыл аҿы имҩаԥысуа ахҭысқәа Анцәа имч џьашьахә аҽшаланагалоу иазкуп. Ԥшь-композициак иаадыԥшуеит: «Илиодор аныхабаа аҟынтә иқәцара» (1511ш–1512), «Болсенатәи амесса» (1512), «Аԥшьа Пиотр аҳаԥсы аҟынтә ихы иақәиҭтәра » (1513–1514), «Лев Дуи Аттилеи реиԥылара» (1514). Акомпозициа “[[Изгнание Илиодора|Илиодор аныхабаа аҟынтәи иқәцара]]” (италиан бызшәала: Cacciata di Eliodoro dal Tempio) аҭыӡсахьа “Афинатәи ашкол” угәаланаршәоит, аха Рафаель индивидуалтә стиль аеволиуциа аазырԥшуа аекспрессиеи адинамикеи рыла иалкаауп. «[[Месса в Больсене|Больсенатәи амесса]]» (италиан бызшәала: Messa di Bolsena),ақьырсиантә традициа инақәыршәаны, 1263 шықәсазы Рим аҩадахьы иҟоу ақалақь хәыҷы Больсена имҩаԥысыз ахҭыс џьашьахәы ауп. Амесса мҩаԥызгоз апап қәыԥш Евхаристи иԥшьоу амаӡа агәра игомызт — ачеи аҩи Қьырса ицәеижьи ишьеи реиԥш ишыԥшьоу агәыҩбара изцәырнагон. Аныҳәа аан агостиа анышьҭырх [[антиминс]] аҿы хә-ҭыԥк рыҟны ашьа ааит. Абри асиужет иадҳәалоуп аҭыӡсахьа “[[Диспута]]” Станца делла Сениатура аҟны. Акомпозициа «Больсенатәи амесса» аҿы Рафаель Апапа Иули II аныҳәарҭаҿы «Больсенатәи аџьашьахәы» шаҳаҭс дшаиоуз ааирԥшуеит. Аҭыӡсахьа «[[Освобождение Святого Петра из темницы (фреска Рафаэля)|Аԥшьа Пиотр аҳаԥсы аҟынтәи ихы иақәиҭтәра]]» (италиан бызшәала: La Liberazione di San Pietro dal Carcere) (1513-1514) ҟазара дула иҭыхуп. Аиудеиаа раҳ Ирод Агриппа идҵала Апостол Пиотр аҳаԥсы дҭакын. Аусӡбара ҟалараны ианыҟаз ауха, Анцәа илашара дагәҭылакны Амаалықь даацәырҵит, Пиотр дирҿыхеит, ишьамҭлаҳәқәа ихыхны, ицәаз асолдаҭцәа дрывганы аҳаԥсы дҭигеит. Ари акомпозициаҿы Рафаель усҟантәи ашықәсқәа рзы даара имаҷны рхы иадырхәоз аметод ихы иарихәеит: еишьҭаргыланы еидҳәалоу х-епизодк еидикылеит. Агәҭаны амаалықь ицәоу Анцәа ицҳаражәҳәаҩ инапы ихьысуеит. Арымарахь ала, ахьчаҩцәа ирбаз иԥсабаратәым алашара иаршәаҟьан иҩны ицоит. Акомпозициа арӷьарахьтәи аган аҟны амаалықь — Аиҭарҿиара аамҭазтәи аҟазараҿы зегь раасҭа иԥшӡоу афигәрақәа руаӡәк — Пиотр аҳаԥсы дҭигоит. Акомпозициа “[[Пожар в Борго|Борго иҟалаз абылра]] ” (италиан бызшәала: Incendio di Borgo) (1514) аҟны, ари ауадаҿы иаԥҵоу аҭыӡсахьақәа рҟынтәи “Борго абылра астанца” аҿы Рафаель инапы еиҳа иуныруеит, аха Микеланџьело ду иҟынтәи иаагоу амотивқәагьы убоит. Алегенда изларҳәо ала, 847-тәи ашықәсазы Борго (Римтәи апапа ихан иазааигәоу аҭыԥ) абылра ҟалеит, уи еиҳа-еиҳа аҽарӷәӷәон Папа Леон IV Ватикантәи ихан абарҵаҿы дцәырҵны амца ааникылаанӡа. Ари акомпозициаҿы иубарҭоуп ихазынан иҭыху афигәрақәа рацәаны. Арӷьарахь, зныкымкәа асахьаҭыхҩцәа аӡәырҩы иҭырххьаз, аӡы зҭоу аԥҳал зку аԥҳәыс лфигура, агәҭаны - аԥҳәыс лнапқәа шьҭыхны, иара убас аҭӡы ахалара зҽазызшәо арԥыс. Армарахь ала Енеи, амца зку аҩны аҟынтә иаб абырг Анхис иҟәаҟәа дықәҵаны далигоит. Ари ахаҿсахьақәа ргәыԥ иунарбоит асиужет Вергили ипоема "Енеида" аҟынтә ишааагоу, Троиа иҟалаз абылра атәы ахьааирԥшуа. Акыраамҭа иныҟәарақәа рышьҭахь Енеи Италиа иҳәынҭқарра шьақәиргылеит. Убри аҟнытә иара Рим ашьаҭаркҩцәа дыруаӡәкны дыԥхьаӡоуп. “Борго абылра астанца ” — аҵыхәтәантәи уадоуп, Рафаель иҭыӡсахьақәа ахьубарҭоу. Анаҩс аҭыӡсахьақәа рыҟаҵара ицхырааҩцәа ирыдҵан: Џьулио Романо, Џьован Франческо Пенни, Џьованни да Удине уҳәа убас иҵегьы. Уи аамҭазы Рафаель апапа акрызҵазкуа егьырҭ идҵақәа инапы рылакын: Сикстинтәи акапелла аҭӡамцхҟьақәа рзы акартонқәа рыҟаҵара, насгьы Аԥшьа Пиотр ибазилика аргылара хылаԥшра аиҭон, уи аҭыԥ 1514 шықәсазы Браманте иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь иоуит. Аԥшьбатәи ауада- « Константин изал»-Рафаель иҵаҩцәа роуп аҭыӡсахьақәа анызҵаз. [[Файл:Pope Julius II.jpg|thumb|left|Апапа Иули II ипортреҭ. 1511ш. Амҿы, ахәшашәыга. Амилаҭтә галереиа, Лондон]] '''Аҭӡамцхҟьақәа рсериа " Иԥшьоу ацҳаражәҳәаҩцәа русқәа"" 1514 шықәса анҵәамҭазы, Апапа [[Лев X|Леон X]], ихьӡ Ватикантәи [[Сикстинская капелла|Сикстинтәи акапелла]] иадиҳәаларц иӡбеит,уи азы аҭӡамцхҟьақәа рзы акартонқәа<ref> Так называли в Италии тканые ковры по главному центру производства шпалер в XV веке во французском городе Аррас </ref> азаказ ҟаиҵеит [[Деяния святых апостолов|Иԥшьоу ацҳаражәҳәаҩцәа русқәа]] » рышәҟәы асиужетқәа рыла, акапелла арԥшӡаразы. Жәа ҭӡамцхҟьак рыла ( ганцыԥхьаӡа хәба-хәба) акапелла аганахьтәи аҭыӡқәа ҵаҟатәи рыхәҭа ырԥшӡатәын. Урҭ рсиужетқәа Аевангелиеи иԥшьоу ацҳаражәҳәаҩцәа рышәҟәи рҟынтәи иааган, Аԥшьацәа Пиотри Павели рҭоурых аҟынтәи, иара убас апрограмма инақәыршәаны Қьырсеи Моисеи рҭоурыхқәа еиҭазҳәоз, флоренциатәии умбриатәии асахьаҭыхҩцәа 1481-1483 шш.рзы Сикстинтәи акапеллаҿы иҭырхыз аҭыӡсахьақәа иреиԥшын. Апапа игәҭакы инақәыршәаны, аҭӡамцхҟьақәа еидыркылар акәын Ацҳаражәҳәацәа рҭоурыхи адунеи аԥҵара инаркны Анцәа ауаа ирзынижьыз раԥхьатәи ауасиаҭ аҟынӡа (Моисеи изакәан аҩыраӷәы) аҭоурыхи, иара убас [[Микеланџьело|Микеланџьело]] акапелла аплафон аҿы иҭихыз (1508-1512), Иаса Қьырса ацҳаражәҳәаҩ Пиотр « ацаԥхақәа иҭара», насгьы апапцәа рҭоурыхи еиднакылар акәын. Аныҳәатә хҭысқәа анымҩаԥысуаз акапеллаҿы аҭӡамцӡхҟьақәа кнарҳауан. Уажәы урҭ хазы азалаҿы ицәыргақәҵоуп Рафаель еиҳа ихьшәаны иаԥиҵаз асахьақәа инарыцны: [[Мадонна ди Фолиньо]] (1511-1512), «Мариа агәыргьын лхаҵара» (1502-1504) иара убас «Аҽеиҭакра» (1519-1520) [[Ватиканская пинакотека|Ватикантәи Пинакотека]]ҿы, (еиҭныԥсахло, еснагь жәаҩык рҟынтә бжьба). Акапелла ахаҭа аҿы, урҭ рҭыԥан, аҭыӡсахьа атехника ахархәарала «аԥардақәа» иреиԥшны иҭыхуп. Ари асериа иаҵанакуеит абарҭ асиужетқәа: «Листра имҩаԥгаз аԥсаҭара» (Sacrificio di Listra), «Ацыркь ихәшәтәра» (Guarigione dello storpio), «Саул идинхаҵара аиҭакра» (Conversione di Saulo), «Елима лылашәхара» (Punizione di Elima), «Ацаԥхақәа рыҭара», « Иԥшьоу Стефан ахаҳәқәа игәыдҵара» (Lapidazione di santo Stefano), «Павел Афины иҟаиҵаз абжьагажәа» (Predica di san Paolo), «Иԥшьоу Павел аҳаԥсаҿы» (San Paolo in carcere), «Ананиа иԥсра» (Morte di Anania), «Иџьашьахәу аԥсыӡкра» (Pesca miracolosa). Ари аус аҿы аҟаза ицхраауан иҵаҩцәа [[Романо, Джулио|Џьулио Романо]]и [[Пенни, Джанфранческо|Џьованни Франческо Пенни]]и, аха асахьаҭыхымҭақәа зегьы Рафаель ихаҭа иаԥиҵеит<ref> Pierluigi De Vecchi. Raffaello. — Milano: Rizzoli, 1975. — Р. 113 </ref>. Аҭӡамцхҟьақәа ҟаҵан 1517-1519 шықәсқәа рзы [[Брюссель|Бриуссель]] ақалақь аҟны, [[Кук ван Альст, Питер|Питер Кук ван Альст]] имануфактураҿы аҿы [[Орлей, Бернарт|Бернарт ван Орлеи]] далархәны. Раԥхьаӡа 5 м аҩаӡара змаз 7 уарҳалк ҟарҵеит, урҭ роура еизакны 42 м ыҟан<ref> Большая иллюстрированная энциклопедия древностей. — Прага: Артия, 1980. — С. 62 </ref>. Аҭӡамцхҟьақәа рзы абордиурқәа ҟаҵан фламандиатәи [[барокко|абарокко]] астиль ала, [[Ван Дейк, Антонис|Антонис Ван Деик]] иҭыхымҭақәа инарықәыршәаны. Асра знапы алакыз аҳ Иаков I иааиԥхьахьаз афламаниадтәи аҟазацәагьы ракәын<ref> [[Власов, Виктор Георгиевич|Власов В. Г.]]. «Деяния апостолов» // Власов В. Г. Новый энциклопедический словарь изобразительного искусства. В 10 т. — СПб.: Азбука-Классика. — Т. III, 2005. — С. 419 </ref>. Аҭӡамцхҟьақәа ирну афигурақәа рҿы иубарҭоуп Микеланџьело «истиль ҳарак» анырра, иара убас, [[Станцы Рафаэля|Ватикантәи астанца]]ҿы Рафаель иҟаиҵаз «Борго иҟалаз абылра» ҳәа изышьҭоу аҭыӡсахьаҿгьы. Асериа ақәҿиара ду аиуит, иара акырынтә еиҭаҭырхит, Франциа [[Мануфактура Гобеленов|Гобеленаа]]и [[Мануфактура Бове|Бове]]и рмануфактурақәа рҿгьы. Акардинал Ерколе Гонзага 1548 шықәсазы Бриуссельтәи асыҩцәа ари асериа иақәҭырхырц дҵаны ириҭеит. 1563 шықәсазы, иара даныԥсы ашьҭахь, аҭӡамцхҟьақәа Мантуатәи агерцог [[Гульельмо I Гонзага|Гулельмо I Гонзага]] изынижьит. Уажәы урҭ Венециа адожқәа раҳҭынра аҟны «Агобеленқәа руадаҿы» иҟоуп<ref> Pierluigi De Vecchi. La Cappella Sistina. — Milano: Rizzoli, 1999. ISBN 88-17-25003-1 </ref>. Аҭӡамцхҟьақәа рзы акартонқәа 1623ш азы иааихәеит шьҭралатәи апринц, Англиа иаҳхараны иҟаз Чарльз I. Аҳ данԥсы ашьҭахь, аҳҭынратә мазара аҭираҿы, акартонқәа Кромвел иаахәеит, урҭ Уаитхолл абанкеттә зал аҿы акәалаԥқәа ирҭаҵәахын. Амонархиа аиҭашьақәыргылара ашьҭахь, аҳ иҭаацәара раҳратәрахьы ихынҳәит. Аграфство Сиурреи иҟаз Мортлеик амануфактураҿы еиуеиԥшым асериа ҿыцқәа раԥҵаразы акартонқәа рхы иадырхәеит. Анаҩс урҭ [[Хэмптон-Корт|Ҳемптон-Корт]] аҳҭынраҿы иҟаз иҷыдоу агалереиа иҩанрҵеит, уаҟа урҭ 1813 шықәсанӡа иҟан. Анаҩс дара [[Букингемский дворец|Букингемтәи аҳҭынра]]ҿы иҵәахын. 1865 ш инаркны еиқәхаз акартонқәа быжьба [[Лондон]], [[Музей Виктории и Альберта|Викториеи Альберти рыхьӡ зху амузеи]] ахь ииаргеит. "Рафаель илоџьиа" [[Файл:President Trump's Trip Abroad (34079021263).jpg|thumb|220px|left|Ватикан иҟоу Ацҳаражәҳәаҩцәа рхан аҿы "Рафаель илоџьиақәа". 1508-1519 шықәсазы. Архитектор Д. Браманте ипроект. Рафаель Санти иҵаҩцәа рсахьақәа]] 1508 шықәсазы Апапа Иули II архитектор Донато Браманте дҵас ииҭеит [[Апостольский дворец|Апапа ихан]] хыхьтәи аихагылаҿы [[Лоджия|алоџьиа]] еиԥшу агалереиа иргыларц, уантәи Наӡаӡатәи ақалақь уахәаԥшлартә еиԥш. Архитектор аусура далагеит, аха 1514 шықәсазы дыԥсит, аргыларақәа ирыциҵеит Рафаель Санти. «Рафаель илоџьақәа» аамҭа анца дара ус рыхьӡырҵеит, архитектура аҭоурых аҿы XVI-тәи ашәышықәса алагамҭазы иҟаз «римтәи аклассицизм» аҟазара аканонтә ҿырԥштәны иҟалеит. Еиԥшыз жәаха секциа еиҟараны иахьеизшаз, ахаргьагьақәа, апилисатрқәа иаку аритм змоу, еиҿкаау ракәны иааԥшуеит. Аҭӡамцқәа, ахыгьагьақәа, апиластрқәа1517-1519 шш.рзы рсахьа ҭырхуан Рафаель иҵаҩцәа: [[Перино дель Вага]], [[Джулио Романо|Џьулио Романо]], [[Джованни да Удине|Џьованни да Удине]], [[Пенни, Джанфранческо|Франческо Пенни]], [[Рафаэллино дель Колле|Рафаеллино дель Колле]]. Ахагьагьақәа рыҟәшақәа зегьы рҿы Рафаель Ауасиаҭ Ҿыц атемала асиужеттә композициақәа ԥшьба ҭихит. Егьырҭ (ҩажәи жәаа Ажәытәтәи Ауасиаҭ атемала) иаанхаз аҭыԥ [[Гротеск (орнамент)|агротесктә]] [[орнамент|рԥшӡагақәа]] рыла иҵаҩцәа ихадырҭәааит. 1783 ш инаркны 1792 шықәсанӡа [[Санкт-Петербург]] аимператрица [[Екатерина II|Екатерина аҩбатәи]] лзаказала, [[Большой Эрмитаж|Аермитаж Ду]] ахыбраҿы архитектор [[Кваренги, Джакомо|Џьакомо Кваренги]] Рафаель [[Фреска|иҭыӡсахьақәа]] ркопиақәа рыла агалереи аԥиҵеит, Ватикантәи апапа иаҳҭынра ахыбрагьы аазырԥшуа. Уаанӡа гәыԥҩык асахьаҭыхҩцәа (. [[Хаккерт, Якоб Филипп|И. Ф. Хаккерт]], Д. В. Анджелони, [[Петер, Уильям|У. Петер]] уҳәа) 1778 шықәсазы Рим Рафаельи иҵаҩцәеи рҭыӡсахьақәа ркопиа аҟаҵара иалагеит. Аусурақәа напхгара рырҭон [[Унтербергер, Христофор|Х. Унтербергер]]ти [[Раффенштайн, Иоганн Фридрих|И. Ф. Раффенштайн]]и. Акопиақәа ақәатәақәа рҿы иҟаҵан, анаҩс урҭ еикәарҳәны Санкт-Петербургҟа иааргеит. [[Новый Эрмитаж|Аермитаж Ҿыц]] ахыбра андыргылоз, алоџьиақәа 1778-1787 шш рзы еиқәырханы иҟан, урҭ мраҭашәаратәи агалереиа аҩбатәи аихагылаҿы иҟан. 1515 шықәсазы [[Северное Возрождение|Аҩадатәи Аиҭарҿиара]] аамҭазы иналукааша аҟаза [[Дюрер, Альбрехт|Альбрехт Диурер]] Римҟа дааит. Уи Ватикантәи астанцақәа гәеиҭон. Рафаель исахьаҭыхымҭа ииҭеит, уи аҭакс анемец сахьаҭыхҩы Рафаель изааишьҭит ихатәы портреҭ, амала иара анаҩстәи аԥеиԥш еилкаам. === Римтәи аамҭазы иҟаз аныҳәарҭақәеи «Мадоннақәеи» === [[Файл:Transfiguration Raphael.jpg|мини|[[Преображение (Рафаэль)|Аҽеиҭакра]]. 1516-1520 шықәсазы. Амҿы, атемпера. Пинакотека, Ватикан]] Ватикан аусутә рацәаны ишимазгьы, Рафаель аныҳәарҭақәа рсахьақәа рҭыхразы ауахәамақәа рҟынтә азаказқәа наигӡон,: «Аԥшьа Цецилиа» (1514-1515), «Аџьар аныҟәгара» (1516-1517), «[[Иезекииль (пророк)|Иезекииль]] илаԥшҵашәара» (1518 шықәса инарзынаԥшуа). Рафаель жәа сахьак инарзынаԥшуа «Амадоннақәа» Рим иҭихит. Арҭ аԥҵамҭа ҳаракқәоуп ҳәа иԥхьаӡоуп, ркомпозициа еилыкка иҟоуп: «[[Мадонна Альба]]» (1510), « [[Мадонна с рыбой|Аԥсыӡ зку Мадонна]]»,( 1512-1514), « [[Мадонна в кресле|Акресло иқәтәоу Мадонна]]», ( 1513-1514) инарзынаԥшуа. {{Main|Аҽеиҭакра (Рафаель)}} Аҟаза аҵыхәтәантәи [[шедевр|иусумҭа дуӡӡа]] "[[Преображение (Рафаэль)|Аҽеиҭакра]]" (1516-1520) ауп, уи асахьаҿы аҷыдара ҿыцқәа убарҭоуп. Хыхьтәи ахәҭаҿы Рафаель, [[Аевангелие|Аевангелие]] инақәыршәаны, Фавор ашьхаҿы ацҳаражәҳәаҩцәа [[Апостол Пётр|Пиотр]]и, [[Иаков Зеведеев|Иаков]]и, [[Иоанн Богослов|Иоанн]]и рҿаԥхьа Қьырса иҽеиҭакра џьашьахәы ааирԥшуеит. Ацҳаражәҳәаҩцәеи аџьныши ахьаарԥшу асахьа ҵаҟатәи ахәҭа,Рафаель иескизқәа рыла Џьулио Романо иҭихит. Мшаԥымза 6, 1520 шықәсазы Рафаель иԥсҭазаара даналҵ, мышқәак, [[Борго (район)|Борго]] иҩны аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагара рҽаназыҟарҵоз, ихыркәшамыз асахьаҭыхымҭа «Аҽеиҭакра» аԥсы ихаҿы игылан<ref>{{Cite web |url=http://www.nerone.cc/nerone/archivio/arch89.htm |title=Nerone Tours of Italy {{!}} Tours of Rome Florence Venice Naples Pompeii<!-- Заголовок добавлен ботом --> |access-date=2016-10-14 |archive-url=https://web.archive.org/web/20101126154319/http://nerone.cc/nerone/archivio/arch89.htm |archive-date=2010-11-26 |url-status=dead }}</ref>. Рафаель данԥсы ашьҭахь мчыбжьык анҵы, Ватикан асахьаҭыхымҭа « Лазарь Иԥсаҭалара» азааигәара «Аҽеиҭакра» кнарҳаит. [[Файл:RAFAEL - Madonna Sixtina (Gemäldegalerie Alter Meister, Dresde, 1513-14. Óleo sobre lienzo, 265 x 196 cm).jpg|мини|слева|Сикстинтәи Мадонна. 1512-1513 шықәсазы. Ақәатәа, ахәшашәыга.. Ажәытәтәи аҟазацәа ргалереиа, Дрезден]] {{Main| Сикстинтәи Мадонна}} Рафаель иаԥҵамҭақәа зегь раасҭа иссиру ауп еицырдыруа "[[Сикстинская мадонна|Сикстинтәи Мадонна]]" (1512-1513), уи [[Дрезден]]тәи [[Галерея старых мастеров|Ажәытәтәи аҟазацәа ргалереиа]]ҿы 1754ш. инаркны иҟоуп. Шәагаала идуӡӡоу асахьаҭыхымҭа Рафаель иаԥиҵеит [[Пьяченца|Пиаченце]] иҟоу, [[Сикст II|иԥшьоу Сикст аҩбатәи]] иуахәама аныҳәарҭазы. Азаказ ҟазҵаз делла Ровере аҭаацәара ирылиааз, [[Папство|апапа]] [[Юлий II|Иули аҩбатәи]] иоуп. ( Иԥшьоу Сикст делла Ровере рҭаацәара дырхылаԥшуан ҳәа ԥхьаӡан) Асахьа акомпозициа иаанарԥшуеит аҟаза хаҭалатәи ихәыцшьа аеволиуциа. «Заатәи Мадоннақәа» рҿы Рафаель Умбриатәи апеизаж афон аҟны аӡӷабцәа ԥшӡақәа рсахьа ҭихуан. Асахьа [[Мадонна Грандука]] аҿы, иара апеизажтә фон инеитралтәу еиқәаҵәоу, зынӡа еиқәаҵәоу уҳәаргьы ауеит ала иԥсахит,аӡҟы дыкны иналымариашаны игылоу Мариа, Рафаель хагәҵәылатәи аформат дҭаикит. Анаҩс Рафаель абжьаратәи ашәышықәсақәа рзы иҟаз аиератикатә композициақәа рахь дхынҳәызшәа ҟаиҵеит, ахәҭакахьала, [[Одигитрия|Одигитриа]] византиатәи ахкы ахь<ref> [[Власов, Виктор Георгиевич|Власов В. Г.]] Сикстинская Мадонна // Новый энциклопедический словарь изобразительного искусства. В 10 т. — СПб.: Азбука-Классика. — Т. VIII, 2008. — С. 759—760 </ref>. Асахьа акомпозициа традициала [[Святое Собеседование|Иԥшьоу Аицәажәарақәа]] [[Иконография|рныхаҩыра]] иадырҳәалоит, избан акәзар аӡҟы дызку Мадонна илымҵахырхәо аԥшьацәа дрыгәҭылакны даарԥшуп. Уи еиԥшу акомпозициа змоу Рафаель егьи исахьагьы, “Мадонна ди Фолинио” (1511-1512), официалла “Sacra Conversazione” ҳәа иашьҭоуп, насгьы уи “Сикстинтәи Мадонна” шьаҭас иаиуит ҳәа иԥхьаӡоуп, уигьы “аицәажәарақәа” ртрадициа иаҵанакуеит<ref> Pierluigi De Vecchi. Raffaello. — Milano: Rizzoli Editore, 1975. — Р. 108—109 (№ 97, 105) </ref>. XVIII-тәи ашәышықәсазы, алегенда рылаҵәеит (аҭоурыхтә документқәа рыла ишьақәырӷәӷәам) Мадонна лзы модельс дҟалеит Рафаель бзиа иибоз, жәибжь шықәса зхыҵуаз ачаӡҩы иԥҳа Маргарита Лути ҳәа. Рафаель уи [[Форнарина]] лыхьӡиҵеит (италиантәи fornaro - ачаӡҩы). [[Сикст II|Аԥшьа Сикст]] ипрототип иакәын Апапа Иули ([[Сикст IV]] иашьа иԥа), [[Варвара Илиопольская|Аԥшьа Варвара]] лзы- иаҳәшьаԥҳа [[Орсини, Джулия|Џьулиа Орсини]]. Апапа дышиеԥшыз [[Кавальказелле, Джованни Баттиста|Џь.Б.Кавальказелле]]и егьырҭ аӡәырҩи иазгәарҭеит, насгьы иԥшьоу Варвара лпрототип азы Лукрециа делла Ровере лыхьӡгьы рҳәон, апонтифик иаҳәшьаԥҳа<ref> Putscher M. Raphaels Sixtinische Madonna. Das Werk und seine Wirkung. — Tübingen: Hopfer Verlag, 1955. — Р. 38 </ref>. Асахьаҭыхымҭа Мраҭашәаратәи аҟазара иреиҳау [[шедевр|ашедеврқәа]] иреиуоуп ҳәа зегьы еицҿакны иазгәарҭоит, зегь раԥхьаӡа иргыланы [[Композиция (изобразительное искусство)|акомпозициа]] ауадаҩразы, абырзен-римтәи, аԥшӡара [[идеал|аидеал]]и ақьырсиантә цәаныррақәеи рконтаминациа агармониазы. Асахьа изызҭыхыз аҭыԥ ԥшьа (Пиаченца иҟоу Сан-Систо аберҭыԥ) иаҟәыганы, уи асахьақәа ргелереиахь аиагара XVIII-тәи ашәышықәса аинтеллектуалцәа рыбжьара ахәыцра ҵаулақәа цәырнагеит<ref> Gazzola Е. La Madonna Sistina di Raffaello. Storia e destino di un Quadro. — Macerata: Quodlibet, 2013. — ISBN 9788874625246 </ref>. === Апортреҭқәа === [[Файл:Baldassare_Castiglione,_by_Raffaello_Sanzio,_from_C2RMF_retouched.jpg|мини|[[Портрет Бальдассаре Кастильоне|Балдассаре Кастильоне ипортреҭ]]. 1514-1515 шықәсазы. Ахәшашәыга, ақәатәа. Лувр, Париж]] Ауахәамақәа рыдҵала хыԥхьаӡара рацәала иҭихуаз аусумҭақәа рыдагьы, Рафаель апортреҭтә жанр алагьы ирацәаны аус иуан. 1512 шықәсазы иҭихит «Апапа Иули II ипортреҭ». Џь. Вазари иазгәеиҭон: «Иара убри аамҭазы, даара дшеицыдыруазгьы, аҟаза ахәшашәыгала апапа Иули ипортреҭ ҭихит. Асахьа апапа даара иеиԥшын, аԥсы ҭазшәа иҟан. Уи збоз зегьы, апапа иԥсы ҭаны раԥхьа дгылошәа, ргәы хыҭ-хыҭуа иалагон<ref name="Вазари"/>. Апапа икуриа адҵала иҭыхын «Акардинал Алессандро Фарнезе ипортреҭ» (1512 шықәса инарзынаԥшуа), «[[Портрет Льва X с кардиналами Джулио Медичи и Луиджи Росси|Лев Х ипортреҭ, акардиналцәа Џьулио Медичии, Луиџьи России иваргыланы]]» (1517-1518 шықәса инарзынаԥшуа). Абарҭ аусумҭақәа рҟынтәи иалкаауп [[портрет Бальдассаре Кастильоне|Балдассаре Кастильоне]] (1514-1515) ипортреҭ. Акыр шықәса рышьҭахь, ари апортреҭ акопиа [[Рубенс]] иҭихуеит. [[Рембрандт]] раԥхьа уи асахьа ҭихуеит, анаҩс, асахьа анырра инаҭаз иабзоураны, иара ихатәы “[[Автопортрет Рембрандта (1640)|Автопортреҭ]]” ҟаиҵоит. Астанцақәа рҿы аус анимуаз аамҭазы, Рафаель «[[Портрет Биндо Альтовити|Биндо Альтовити ипортреҭ]]» ҭихит (1515 шықәса инарзынаԥшуа). Аҵыхәтәаны Рафаель ихы ҭихит «Ахатәыпортреҭи сҩызеи» (1518-1520) аҟны, аха асахьаҿы Рафаель инапы зыжәҩа иқәиҵаз дарбан ҩызоу иахьагьы еилкааӡам; аҵарауаа зыгәрагара уадаҩу аверсиақәа рацәаны иаадырԥшуеит. === Авилла Фарнезина === {{Main|Авилла Фарнезина}} {{Main|Галатеиа лтриумф}} [[Файл:Raffael 012.jpg|мини|слева| Галатеиа лтриумф. 1511ш. "Галатеиа ллоџьиа". Вилла Фарнезина, Рим]] Абанкир, аҟазара ахылаԥшҩы [[Киджи, Агостино|Агостино Киџьи]] [[Тибр]] аԥшаҳәаҿы авилла иргылеит, уахь Рафаели иҵаҩцәеи ааԥхьара риҭеит ажәытә мифологиа асиужетқәа рыла аҭыӡсахьақәа ҭырхырц азы. Абасала, 1511 шықәсазы «[[Триумф Галатеи|Галатеиа лтриумф]]» захьӡу аҭыӡсахьа цәырҵит. Уаанӡа авилла ианыз асахьақәа Рафаель ихаҭа иусумҭақәаны иԥхьаӡан: «Рафаель абри аҭыӡсахьаҿы аԥаимбарцәеи асивиллақәеи рсахьа ҭихит. Уи иара иаԥҵамҭақәа иреӷьу ҳәа иԥхьаӡоуп, иреиӷьқәоу иреиӷьу. Ииашаҵәҟьаны, уа иану аҳәсеи ахәыҷқәеи рыԥсы ҭазшәа иҟоуп, насгьы ихырку аколорит ала иалукаауеит. Ари аусумҭа иара иԥсы анҭазгьы ахьӡ-аԥша ду изаанагахьан, иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахьгьы иара убас<ref name="Вазари"/>. Аамҭа анца, еилкаахеит, ирацәаӡаны азаказқәа ахьимаз азы, зегь раԥхьаӡа иргыланы, [[Собор Святого Петра|Аԥшьа Пиотр иныхабаа]] аргылара иадҳәалаз аусқәа, Ватикан [[Станцы Рафаэля|астанцақәа]] рҭыӡсахьақәа рҭыхра, уҳәа Рафаель ицхырааҩцәа аҭыӡсахьақәа аус рыдулара рыдиҵо далагеит.Убри аан, азыҟаҵаратә ҭыхымҭақәа рыбжеиҳарак иара Рафаель ихахьы игон, аҭыӡсахьақәа егьырҭ иҟарҵон. Авилла Фарнезина аҿы аус руан иҵаҩцәа: [[Романо, Джулио|Џьулио Романо]], [[Себастьяно дель Пьомбо|Себастьиано дель Пиомбо]], [[Пенни, Джанфранческо|Франческо Пенни]], [[Содома]]. XX-тәи ашәышықәса агәҭаны имҩаԥгаз аҭыӡсахьақәа рреставрациа ашьҭахь еилкаахеит « Галатеиа лтриумф» аҭыӡсахьа еиҳа ихадоу ахәҭақәа иара Рафаель ихаҭа ишҭихыз, егьырҭ- Џьулио Романо<ref> Pierluigi De Vecchi. Raffaello. — Р. 105 </ref><ref> Bajard S., Bencini R. Roms. Paläste und Garten. Paris: Terrail, 1997. S. 15-22 </ref>. «Александр Македонскии Роксанеи рчара» акомпозициа авилла аҩбатәи аихагылаҿы [[Содома]] иаԥиҵеит, ахқәа иалкаау рыхәҭақәак-Рафаель ихаҭа иҭихит. === Архитектура === Рафаель архитектор иаҳасабала иусура иалкаау аҵакы амоуп, уи Браманте римантәи иклассицизми уи иашьҭанеиуаз азеиԥшевропатәи архитектура [[классицизм|аклассицизм]]и аанарԥшуеит, ахәҭакахьала [[Палладианство|Палладиантәи]] ацәырҵра аныԥшуеит. Браманте 1514 шықәсазы идунеи аниԥсах, Рафаель усҟан зыргылара иаҿыз [[Собор Святого Петра|Аԥшьа Пиотр иныхабаа]] архитектор хадас дҟалеит. 1513 шықәсазы Иули II иҭыԥан иҟалаз апапагьы, [[Лев X|Леон X]] - Рафаель иҟазара ҳаҭыр ду ақәиҵон. 1513 шықәсазы иара Рафаель ажәытәӡатәи Рим иаҵанакуа аамҭа актәи археологс дҟаиҵеит. Апонтифик Ду идҵала Рафаель археологиатә ԥшаарақәа дырхылаԥшуан, Ватикантәи аколлекциақәа реидкыларақәа, рышьақәгылара хылаԥшра азиуан, насгьы Наӡаӡатәи ақалақь археологиатә сахьа (аплан) еиқәиршәеит. 1515 шықәса инаркны Рафаель Ватикан «ажәытә ҭынхақәа рзы акомиссар» иҭыԥ ааникылон<ref> Бартенев И. А. Рафаэль и архитектура // Рафаэль и его время: Сборник статей. — М.: Наука, 1986. — С. 80 </ref>. Рим Рафаель ипроект ала иргылан аџьартә- ҟәырӷ змоу аухәама [[Сант-Элиджо-дельи-Орефичи|Сант- Елиџьо- дели- Орефичи]]( аиувелирцәа рцех иԥшьоу аелегиа), иара убас даара зычаԥашьа бзиоу ауахәама [[Санта-Мария-дель-Пополо|Санта- Мариа- дель- Пополо]] акпелла Киџьи(1512-1520). Иара убас Рафаель апроект ҟаиҵеит [[Палаццо Видони-Каффарелли|Палаццо Видони- Каффарелли]] аԥхьатәи ахәҭа(1515), Бранконио дель Аквила(1520 ахыбра еиқәымхаӡеит), иара убасгьы Флоренциа иҟоу [[Палаццо Пандольфини]], уа аусурақәа хирқәшеит Франческо да Сангалло(1516-1520). 1515 азы, Рим аҩада-мраҭашәаратәи аган ахәҭаҿы, Рафаель ипроект ала акардинал Џьулио Медичи (аԥхьаҟа Апапа Климент VII) изы авилла аргылара иалагеит (аргылара хиркәшеит [[Сангалло, Антонио да (младший)|Антонио да Сангалло Аиҵбы]]). Ахыбра «[[Вилла Мадама]]» ҳәа ахьӡырҵеит (уи анаҩс аԥшәымас иаиоуз [[Маргарита Пармская|Маргарита Пармтәи]], ( Маргарита Австиратәи ҳәагьы илышьҭан, ма « [[Мадам]] Маргарет»), Алессандро Медичи иԥшәма ԥҳәыс). Авилла архитектуратә мотив хадақәа еснагь еиԥш — агьежьбжатәи ахыргьагьеи аҟәырӷи ракәын. Авестибиули алоџьиеи агротесктә темақәа рыла иҭыху асахьақәеи [[Рельеф (скульптура)|арелиеф]]қәеи рыла [[декор|ирԥшӡоуп]]. Рафаель афасад акомпозициаеи ааигәара игылоу ахыбрақәа рҷыдарақәеи еснагь еидиҳәалон, ахыбра ашәаагақәееи ахықәки азгәаҭаны, аханқәа зегьы ырԥшӡаны, акы иузаламырҩашьо аҟаҵара иҽазишәон<ref name="БСЭ">{{книга |автор = [[Алпатов, Михаил Владимирович|Алпатов М. В.]] |часть =Рафаэль |заглавие = [[Большая советская энциклопедия]] |ответственный = Гл. ред. [[С. И. Вавилов]]|издание = 2 издание|место = М.|издательство = [[Советская энциклопедия]]|год = 1965}}</ref>. Икомпозициақәа ирышьагәыҭуп ихырқәшоу аплан, асимметриа, афасадқәа апилиастрқәа рыла реихшара. Иҟоуп агәаанагара, архитектуреи аҿыханҵеи рҿы аклассицизм астиль Рафаель иоуп иаԥызҵаз, ихзырқәшазгьы ҳәа. Иусумҭақәа уанрыхәаԥшуа, ииашаҵәҟьаны, урҭ рыҩаӡара шхырқәшоу убоит, анаҩстҽи рырҿиара шзалымшо еиукаауеит<ref> Алпатов М. В. Художественные проблемы итальянского Возрождения. — М.: Искусство, 1976. — С. 10—12 </ref>. === Аҭыхымҭақәеи агравиурақәеи === [[Файл:Raphael Lucretia.jpg|мини|слева|200px|Рафаель. Лукрециа. 1483-1520 шықәсқәа рыбжьара. Ақьаад, акалам, амарқьаф, амел. Метрополитен амузеи, Ниу-Иорк]] [[Файл:Raimondi Lucretia's suicide.jpg|мини|200px|Маркантонио Раимонди. Лукрециа. 1515. Аџьаз аҟны агравиура.]] Рафаель иҭыхымҭақәа ԥшьышә инарзынаԥшуа еиқәхеит. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп асахьаҭыхразы аҽазыҟаҵаратә ҭыхымҭақәа, иҟоуп иара убас зхала иҟоу аусумҭақәагьы. Рафаель ихаҭа агравиурақәа ҟаиҵаӡомызт. Аха иҵаҩцәеи ицхырааҩцәеи — [[Раймонди, Маркантонио|Маркантонио Раимонди]], [[Венециано, Агостино|Агостино Венециано]], [[Денте, Марко|Марко Денте]], Џьованни Антонио Каралио — Рафаель исахьақәеи ихыркәшамыз икомпозициақәеи рхы иархәаны, арепликақәеи акомпозициатә вариациақәеи ҟарҵон. Уи абзоурала, ахәҭакахьала, иӡхьоу Рафаель исахьаҭыхымҭақәа ԥыҭк ҳара ҳаамҭанӡа иааӡеит. Рафаель иҭыхымҭақәа рыла иҟаҵаз агравиурақәа амҩадуқәа ирыԥныз адәқьанқәа рҿы ирҭиуан; урҭ аархәон италиатәи [[Майолика|амаиоликатә]] сахьаҭыхра аҟазацәа, (аҭӡамцхҟьақәа рҭыжьразы акартонқәа ҟазҵоз), амҿлыхқәа ҭаԥызҟоз, аиувелирцәа. Абас ала иҿион Аиҭарҿиара аамҭа иазҷыдаз аҟазаратә еицлабра: иналукааша асахьаҭыхҩы иусумҭа — асахьаҭыхҩы-агравиурақәа ҟазҵоз иусумҭа — анапҟаза иусумҭа уҳәа абарҭ зегьы еимаданы ианыҿиоз. Санкт-Петербургтәи [[Ермитаж|Аермитаж]] аҿы А. Венецианои М. Раимондии ркомпозициақәа зну амаиоликатә чанахқәа ыҟоуп. Насгьы, асахьанҵақәа Рафаель иҭыхымҭақәа ирықәҭыхӡам, урҭ рҿиаратә вариациақәуп, ркомпозициақәа рсахьа шыԥсыҽугьы, Рафаель ихаҭа иескизқәа раасҭагьы еиҳауп. Ари зыхҟьо аформат ахьыгьежьуи, ахьшьытә сахьанҵа аҷыдареи роуп<ref> Михайлова О. Э. Использование композиций произведений Рафаэля и его школы в росписи итальянской майолики // Рафаэль и его время: Сборник статей. — М.: Наука, 1986. — С. 142—154 </ref>. Рафаель иҭыхымҭа “ Парис иусӡбара ” дахәаԥшны (1508-1509). Раимонди аџьаз аҟны иҟаиҵаз агравиура, Џьорџьоне исахьаҭыхымҭа “Ақыҭатә концерт” (1508-1509) еиԥш, иара асхьаҭыхҩы ихаҭа [[Мане, Эдуард|Е. Мане]] ишиҳәоз ала, асахьаҭыхымҭа « [[Завтрак на траве (картина Мане)|Ашьацраҿ шьыбжьхьаҟаҵара]]»(1863) шьаҭас иаиуит<ref> Прокофьев В. Н. Живопись Эдуарда Мане между прошлым и будущим (некоторые вопросы поэтики и стилистики) // Прокофьев В. Н. Об искусстве и искусствознании. — М.: Советский художник, 1985. — С. 128 (письмо Ш. Бодлера Надару от 14 мая 1859 г.)</ref>. === Ажәеинраалақәа === [[Файл:La Fornarina by Raffaello.jpg|мини|слева|229px|[[Форнарина (картина)|Аԥҳәыс қәыԥш лпортреҭ (Форнарина)]]. 1518-1519 шықәсазы. Палаццо Барберини, Рим. Аҵарауаа реиҳараҩык ргәы ишаанагоу ала, асахьаҿы Рафаель бзиа иибоз, имодель [[Форнарина]] даарԥшуп. Рафаель данԥсы ашьҭахь, Џьулио Романо аԥҳәыс лыжәҩахыр аҿы иҭихит «Рафаель Урбинас» ҳәа зныз анапхаҵа.]] [[Файл:Raffaello Sanzio - La Donna Velata.jpg|мини|229px|[[Донна Велата|Донна Велата (Ақәыршә зхоу аԥҳәыс)]]. 1516.ақәатәа, ахәшашәыга. Палаццо Питти, Флоренциа]] Иаамҭазы иҟаз асахьаҭыхыҩцәа реиԥш, иаҳҳәап, [[Микеланџьело|Микеланџьело]], Рафаельгьы ажәеинраалақәа иҩуан. Иахьанӡагьы еиқәханы иҟоуп [[сонет|асонет]]қәа рыцҵаны иҭихыз исахьақәа. Ҵаҟа ижәбоит А. Махов еиҭеигаз асахьаҭыхҩы бзиа иибоз аԥҳәызбацәа руаӡәк илзикыз асонет. {{Ацитата алагара}}Амур, ирмаҷ убла хызкуа алашара Уара иааушьҭыз ҩ-бла џьашьахәык. Урҭ ҳақәдыргәыӷуеит ма ахьҭа, ма аԥхын амца шоура, Аха урҭ арыцҳашьара цәыкәбар хәыҷыкгьы рылам. Сара урҭ рыԥшӡара анысныр, Ишԥасцәыӡи схақәиҭреи сҭынчреи. Ашьхантә иасуа аԥшагьы, ацәқәырԥақәагьы Уи амца рзырцәаӡом сара сахьдырхәуашәа. Ҿымҭӡакәа сыхьанҭара ахгара сазыхиоуп Ашьамҭлаҳәқәа рыла иҿаҳәоу тәыс сыҟаз Урҭ рцәыӡра -аԥсра иаҩызоуп. Сгәаҟрақәа дарбанзаалак еиликаауеит, Агәаҳәарақәа раанкылара злымшаз Абзиабаратә ԥшатлакә ԥсаҭатәыс саиуит.{{Ацитата алгара}} === Рафаель иԥсреи Апантеон аҿы анышә иамадареи === [[Файл:Raphael's grave, Pantheon 2010.jpg|мини|Рафаель исаркофаг Апантеон аҟны. Рим. Аскульптор А. Мунес. 1811—1833]] Рафаель иԥсҭазаара далҵит Рим, мшаԥымза 6,1520 шықәса рзы, 37 шықәса дшырҭагылаз. Џь. Вазари иҩуан, Рафаель «абжьааԥны аасҭа еиҳа қьафурала аамҭа анихига ашьҭахь » дыԥсит ҳәа, аха иахьатәи аҵарауаа ргәы ишаанаго ала, иԥсра зыхҟьаз аԥсыԥ лага-ҩагаратә чымазара имцашоура ӷәӷәала иахьханагалаз иахҟьеит. Аҳақьымцәа иҟарҵаз агха иахҟьеит ҳәа,-апапа иааишьҭыз аҳақьымцәа, ииашамыз адиагноз ықәдыргылеит, ашьакаҭәарала имцашоура ладырҟәырц рҽазыршәеит, уи ахьҭа ӷәӷәа злаланы иҟаз ачымазаҩ изы даара ишәарҭан (ари атәы XVI-тәи ашәышықәсазгьы еилкааны ирыман<ref>{{Cite web|url=https://doi.org/10.1007/s11739-020-02435-8|title=Riva, M.A., Paladino, M.E., Motta, M. et al. The death of Raphael: a reflection on bloodletting in the Renaissance. Intern Emerg Med (2020)}} </ref>). Дыԥсаанӡа, Рафаель иҭаххеит иара ихарџь ала Апантеон аҿы «ажәытәӡатәи ахаҳәтә табернакль еиҭашьақәыргылазарц, насгьы уаҟа Мадонна лҳатәара зықәгылоу аныҳәарҭа дыргыларц, уи аҵаҟа анышә дахьарҭаша аҭыԥ алихит». Ажәытәӡатәи Венера илеиԥшны(егьырҭ ахыҵхырҭақәа рыла, Исида) аҳаҭәара аҟаҵара идиҵеит иҵаҩы, аскульптор, архитектор Лоренцо Лотти, хьыӡшьас [[Лоренцетто]] ҳәа зарҳәоз. Аскульптура "Мадонна дель Сассо" ҳәа иашьҭалеит (италиан бызшәала: Мадонна дель Сассо - Ашьха Мадонна, мамзаргьы Ахаҳәтә), избан акәзар Мадонна лшьапқәа ахаҳә иқәгылоуп. Аха аҟаза ду анышә дахьамадаҵәҟьоу еилкаамызт<ref>La Morte di Raffaello. — URL: [http://la-morte-di-raffaello-da-urbino.blogspot.com/2016/11/tomba-di-raffaello-al-pantheon-la-morte.html] {{Wayback|url=http://la-morte-di-raffaello-da-urbino.blogspot.com/2016/11/tomba-di-raffaello-al-pantheon-la-morte.html|date=20220118213141}}</ref>. цәыббрамза 14, 1833ш азы, асахьаҭыхҩцәа, [[Папская академия литературы и изящных искусств|аҟазара апапа иакадемиа]] алахәылацәа ражәалагалала, Апапа Григори XVI изин ала, дахьжыҵәҟьоу аилкааразы, аӡҟы дызку Мадонна лҳатәара зықәгылаз аплита аадыртит. Уи ахҭыс иалахәын апапа икуриа ахаҭарнакцәа, апапа ицҳаражәҳәаҩ, акардинал Викарио Зурла, аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа рыцҳаражәҳәаҩцәа, ауахәама ахаҭарнакцәа, Рим ақалақь ахаҭарнакцәа, анотариусцәа, аҳақьымцәа, археологцәа. Урҭ инарҷыданы,уи аамҭазы Рим иаҭааны иҟаз еицырдыруаз ашәҟәыҩҩцәеи аҟазацәеи: И. Ф. Овербек, Б. Торвальдсен, К. П. Бриуллов, О. Верне, Ф. А. Бруни, А. А. Иванов уҳәа убас егьырҭгьы. Зегьы ааидкыланы хынҩажәи жәохәҩык ауаа. Асахьаҭыхҩы [[Камуччини, Винченцо|Винченцо Камуччини]] акардама аартра апроцесс аарԥшразы иҷыдоу азин иҭан. Иара иаарту акардамеи аԥсыбаҩи рсахьа ҭихит, урҭ литографиала иҭрыжьит. Мызкы иалагӡаны Рафаель иԥсыбаҩ зегьы иахьырбоз иқәыргылан, анаҩс уи ажәытәӡатәи Римтәи асаркофаг иҭарҵеит, иара апапа иколекциа аҟынтәи ириҭеит. Асаркофаг ахҩа аҟны алаҭинтә епитафиа анырҵеит. Уи иҩит италиатәи агуманист, акардинал [[Бембо, Пьетро|Пиетро Бембо]]: «ILLE HIC EST RAPHAEL TIMUIT QUO SOSPITE VINCI / RERUM MAGNA PARENS ET MORIENTE MORI» ( ара анышә дамадоуп Рафаель дуӡӡа, иԥсы анҭаз аԥсабара даииаир ҳәа ишәон, даныԥсы ашьҭахь иара ԥсыр ҳәа ишәон). Асаркофаг ҭыԥк аҿы ишьҭаҵаны, асаркьа ала ихырҩеит. Ахҩа аҿы адаԥа иалху аџьазтә венок арҭеит, акардама ахыхь- игәыдеибакыло ҩ-ҳәыҳәк, Антонио Муниос искульптура (1811) Акомпозициа атеатралтә ҟазшьа шамоугьы, иара уныруеит, избан акәзар «асаркофаг аҿы аӡәгьы иеиԥшымкәа, аԥштәқәеи ацәаҳәақәеи аԥсҭазаара рыхҵара здыруаз аӡәы иԥсыбаҩ ыҟоуп»<ref>Власов В. Г. Пантеон и пантеоны. Умножение наименований: культурно-исторические и мнемонические аспекты изучения памятников классической архитектуры // Архитектон: известия вузов. — 2020. — № 2(70). — URL: [http://archvuz.ru/2020_2/5] {{Wayback|url=http://archvuz.ru/2020_2/5|date=20210603064838}}</ref>. === Рафаелески === Иналукааша италиатәи аҟазацәа ирҿыԥшқәоз, рышьҭамҭа ихылақәоз аҵаҩцәа традициала иааркьаҿны ирышьҭоуп: “Џьоттески”, “Леонардески”, “Џьорџьонески”... “Рафаелескиқәа” рахь иаҵанакуеит аҟаза иҟазарҭаҿы аус зуаз ицхырааҩцәа, Рафаель данԥсы ашьҭахь, зхала аус зуаз: [[Романо, Джулио|Џьулио Романо]], [[Себастьяно дель Пьомбо|Себастиано дель Пиомбо]], [[Перино дель Вага]], [[Пенни, Джанфранческо|Франческо Пенни]], Џьованни да Удине, [[Содома]]. Зегь реиҳа абаҩхатәра иман архитектор, аҿыханҵаҩ [[Романо, Джулио|Џьулио Романо]]. Ирҵаҩы истиль ала иҟаҵаз иусумҭақәа, зны-зынлагьы иескизқәа рыла иҟаиҵоз, рыхә ҳаракны иршьомызт аамҭак ицаныз ауаа. Аха, уи XVI-тәи ашәышықәса аҩбатәи азбжазы италиатәи аҟазара аҿиараҿы анаҩстәи акыр зҵазкуа аетап [[маньеризм|аманиеризм]] аҟазара ашьаҭаркҩцәа дыруаӡәкхеит. Еиҳараӡак иара Рим аус иуан, аха зегь реиҳа иоригиналтәу иргылареи исахьанҵақәеи [[Мантуя|Мантуа]] иҟоуп — [[Палаццо дель Те]]. Џьованни Нанни [[Удине]]ҟа дхынҳәит, уаҟа иара иаԥиҵеит акыр зҵазкуа асахьаҭыхымҭақәа. Франческо Пенни [[Неаполь]]ҟа нхара диасит, аха дышқәыԥшыз дыԥсит. Перино дель Вага Флоренциеи [[Генуя|Генуе]]и аус иуан. === Рафаель ирҿиаратә метод аҭоурыхтә хәшьарақәа === Рафаель иусумҭақәа рыҭҵааҩцәеи рдырыҩцәеи реиҳараҩык иазгәарҭоит иҟазара иацу аласреи апластикеи. “Еснагь аҵара дазхиан, еиуеиԥшым аныррақәа идикылон: [[Перуджино|Перуџьино]] “ихәыцуа Мадоннақәа” рҟәымшәышәра, Леонардо да Винчи и[[сфумато]], иара убас “акомпозициатә хкәакь”, иҟазара аҵыхәтәантәи аетапаҿы Микеланџьело ифигурақәа рпластика ду. Иара анатура акырӡа аус адиулон, ашьшьы-шьшьыҳәа ескизк аҟынтә даҽа ескизкахь диасуа, акомпозициа еибакапануа,аформа шьахәны иҟаиҵон. « Иара изы аҟазара ргәаҟгамызт ма еилкаам хықәкымызт. Еиҳа-еиҳа иҟазара ршьахәуа, Рафаель иҿаԥхьа инаигӡашаз азҵаатәқәа ықәиргылон. Рафаель еснагь иҟаиҵон егьырҭ иҟарҵарц ирҭахыз». Г. Виольфлин ихшыҩҵак ҵар инақәршәаны «Микеланџьелои Леонардои рҟазара инаҭаз анырра илан игәаҭеиуа»<ref> Вёльфлин Г. Классическое искусство. Введение в изучение итальянского Возрождения. — СПб.: Алетейя, 1997. — С. 84, 88 </ref>. Рафаель иҭоурыхтә лшамҭаны иҟоуп, иҟазараҿы еиуеиԥшым ҩ-дунеик акны иахьеидиҳәалаз — ақьырсиантә дунеии аклассикатә дунеии”<ref> Гращенков В. Н. Об искусстве Рафаэля. — С. 10 </ref>. Жәашықәсала имҩаԥысуаз «[[Спор о древних и новых|Ажәытәқәеи аҿатәқәеи рзы аимак]]» ([[классицизм|аклассицизм]] адгылаҩцәеи [[барокко|абарокко]] адгылаҩцәеи) асахьаҭыхреи аскульптуреи Парижтәи Акралтә Академиа анапхгаҩы [[Лебрен, Шарль|Шарль Лебрен]] абҵарамза 5,1667 шықәсазы аклассикатә ҿыханҵа ашедеврқәа рзы лекциақәа рцикл ааиртит. Раԥхьатәи илекциа Рафаель ирҿиара иазикит. Европатәи [[Академизм|аҟазаратә академиақәа]] зегьы рҿы “Анцәахша Рафаель” иҟазара еталонс иҟан, насгьы зеиӷьыҟам ҿырԥшыгас иԥхьаӡан. Рафаелизм апологетцәа рҟынтә еиҳа иалкаауп [[Менгс, Антон Рафаэль|Антон Рафаель Менгс]]и [[Энгр, Жан Огюст Доминик|Џь. Енгар]]и. Рафаель иусумҭақәа ирымҵахырхәон [[Кальдара, Полидоро|Полидоро да Караваџьо]], [[Франча, Франческо|Франческо Франча]]. Ахәҭакахьала, Енгар иазгәеиҭеит: «Фидии Рафаели рышьҭахь аҟазараҿы акрызҵазкуа ҳәа уаҳа акгьы аартра залшом... Рафаель насыԥ иман ҳәа рҳәоит. Ааи, аха уи зыхҟьо уи ԥсабаратәла лакьыс узиҭомызт, дынцәахшан,Микеланџьело иусумҭа дуқәа уанрыхәаԥшуа, гәыкала урҭ ушдыршанхогьы, урҭ рҿы ааԥсарак аҷыдарақәа убарҭоуп. Рафаель иҟны даҽакала иҟоуп. Иаԥҵамҭақәа зегьы ссирӡақәоуп; Анцәа иаԥҵамҭақәа реиԥш, урҭ ԥшатлакәҵас ицәырҵыз рҿиаратә гәазыҳәара ссирк ала иҿиазшәа ауп ишыҟоу»<ref> Энгр об искусстве. — М.: Изд-во Академии художеств СССР, 1962. — С. 74, 81 </ref>. Рафаель иҟазарахь абас еиԥш иҟаз азнеишьа, аамҭа анца ашьҭахь аҭактә реакциа аиуит: аҟазараҿы [[романтизм|аромантизм]]и [[Реализм (живопись)|ареализм]]и рыдгылаҩцәа рыкритика обиект хаданы Рафаель дҟарҵеит. Милан, Рим ақалақьқәа рҿы Рафаель иҟазара нҭкааны иҭызҵааз аурыс сахьаҭыхҩы [[Иванов, Александр Андреевич|А. А. Иванов]] иазгәеиҭеит, Рафаель исахьақәа иааидкыланы «аграциеи аҳаракыреи» рҟазшьоуп ҳәа<ref> Мастера искусства об искусстве. М.: ИЗОГИЗ, 1937. Т. IV. С. 125 </ref>. 1883 шықәсазы Рафаель Санти диижьҭеи ԥшьышә шықәса аҵра ныҳәа дула иазгәарҭеит. [[Санкт-Петербург]] иҟоу [[Императорский фарфоровый завод|Аимператортә фарфортә зауад]] аҿы, аимператор [[Александр III]] идҵала, ари арыцхә азы Ватикан иҟоу “Рафаель илоџьиақәа” агротескқәа рмотивқәа рыла, асахьаҭыхҩы С. Р. Романов исахьанҵақәа зну “Рафаель исервиз” ҭрыжьит<ref>Рафаэлевский сервиз ИФЗ [http://farfor-expert.ru/rafaelevskij-serviz/] {{Wayback|url=http://farfor-expert.ru/rafaelevskij-serviz/|date=20220118182531}}</ref>. == Иусумҭақәа рыхәԥса == [[Файл:Raffaello Sanzio, - cartoon for the Head of a Young Apostle, c.1519-20.jpg|мини|справа|"Ацҳаражәҳәаҩ қәыԥш ихы"]] Ԥхынҷкәынмза 5, 2012ш азы [[Сотбис|Сотсбис]] аукцион аҟны ирҭиит Рафаель исахьа “Ацҳаражәҳәаҩ қәыԥш ихы” (1519-1520) асахьаҭыхымҭа “Аҽеиҭакра” азы. Ахәԥса £29,721,250 фунт стерлинг артәет, раԥхьатәи ахә аасҭа ҩынтә еиҳан. Ари аҿыханҵатә усумҭақәа рзы ирекордуп<ref>{{Cite web |url=http://www.sothebys.com/en/auctions/ecatalogue/2012/old-master-british-paintings-evening-l12036/lot.52.lotnum.html |title=Сайт Sotheby’s |access-date=2013-01-19 |archive-date=2018-02-20 |archive-url=https://web.archive.org/web/20180220033607/http://www.sothebys.com/en/auctions/ecatalogue/2012/old-master-british-paintings-evening-l12036/lot.52.lotnum.html |url-status=live }}</ref>. == Аҟазараҿы ахаҿсахьа == === Акиносахьақәа === * 2017 - Рафаель. Аҟазара аҭауад<ref>В некоторых русских источниках — «Принц», в англоязычном прокате — ''The Lord'' (of the arts)</ref> / Рафаелло: Il Principe delle Arti (реж. Лука Виотто / Лука Виотто) - адокументалтә-хәмарратә, Рафаель Санти ироль аҿы - Флавио Паренти / Флавио Паренти, Џьованни Манти ироль аҿы - Енрико Ло Версо / Енрико Ло Версо === Афилателиаҿы === <gallery> Файл:The Soviet Union 1970 CPA 3956 stamp ('The Conestabile Madonna' (Raphael)).jpg|Рафаель исахьаҭыхымҭа "Мадонна Конестабиле", 1970 [[СССР]] [[Почтовая марка|аԥошьҭатә марка]]ҿы. Файл:USSR 1983 5305 3111 0.jpg|Рафаель исахьаҭыхымҭа " Иԥшьоу Аҭаацәара", 1983 [[СССР]] [[Почтовая марка|аԥошьҭатә марка]]ҿы. Файл:КПД СССР, 1983 г. со спецгашением. 500 лет со дня рождения Рафаэля.jpg|[[Асовет Еидгыла]] аҟны 1983 ш рзы Рафаель диижьҭеи 500 шықәса аҵра аҳаҭыразы аԥошьҭатә марка иҭыжьын. Файл:GDR-stamp Raffael 1955 Mi. 509.JPG|Рафаель исахьаҭыхымҭа "Сикстинтәи Мадонна", 1955 [[ГДР]] [[Почтовая марка|аԥошьҭатә марка]]ҿы. </gallery> == Шәахә. иара уб. == * [[Список работ Рафаэля|Рафаель иҭыхымҭақәа рсиа]] * [[Мадонны Рафаэля|Рафаель Имадоннақәа]] * [[Станцы Рафаэля|Рафаель истанцақәа]] * [[Портреты Рафаэля|Рафаель ипортреҭқәа]] * [[Форнарина]] * [[Рафаэль (кратер)|Рафаель (акратер)]] * [[Леонардо да Винчи]] * [[Микеланџьело|Микеланџьело Буанарроти]] * [[Тициан|Тициан Вечеллио]] * [[Сандро Боттичелли]] == Азгәаҭақәа == {{Reflist|2}} == Алитература == * {{Книга |автор = Санти Б. |заглавие = Рафаэль |издание = |оригинал = ''Santi Bruno'' Raffaello (1993) |ответственный=Пер. с ит. И. С. Фомичёва|место = М. |издательство = Слово |год = 1995 |страницы=|страниц = 80 |isbn=|ref = Санти Б.}} * ''Кристоф Т.'' Рафаэль. — Taschen. 2005 * {{книга | автор = {{comment|Махов А. Б.|Александр Борисович}} | заглавие = Рафаэль | место = М. | издательство = [[Молодая гвардия (издательство)|Молодая гвардия]] | год = 2011 | серия = [[Жизнь замечательных людей]] | страниц = 376[8] | isbn = 978-5-235-03462-4 | тираж = | ref = }} * {{Книга |автор = [[Стам, Соломон Моисеевич|Стам С. М.]] |заглавие = Флорентийские мадонны Рафаэля : Вопросы идейного содержания |место = Саратов |издательство = Издательство [[Саратовский университет|Саратовского университета]] |год = 1982 |страниц = 80 }} * {{книга |автор = [[Элиасберг, Нора Ефимовна|Элиасберг Н. Е.]] |заглавие = Рафаэль |ссылка = |ответственный = |издание = |место = М. |издательство = [[Искусство (издательство)|Искусство]] |год = 1961 |страниц = 56 }} * [[Гращенков, Виктор Николаевич|Гращенков В. Н.]] Рафаэль. — М.: Искусство, 1975. — 25000 экз. == Азхьарԥшқәа == * [http://www.rafaelsanti.ru/ Сайт, посвящённый творчеству Рафаэля Санти]{{In lang|ru}} * [http://top-antropos.com/religion/jesus-maria/item/134-madonny-rafajelja Мадонны Рафаэля (42 картины)] * [http://www.art-drawing.ru/gallery/category/696-raphael Рафаэль Санти. Картины] [http://www.art-drawing.ru/biographies/brief-biographies/1213-raphael и биография] * Сонеты Рафаэля Санти в переводах Павла Алешина: https://rosa-mundi.ru/section/raffaello_sanzio {{Авторитет змоу адыррақәа}} [[Акатегориа:Римтәи апантеон аҿы анышә иамадақәоу]] [[Акатегориа:XVI ашәышықәсазы Италиа аскульпторцәа]] [[Акатегориа:Италиатәи аиҭарҿиара аамҭазы аскульпторцәа]] [[Акатегориа:Агәчымазара иахҟьаны зыԥсҭазаара иалҵқәаз]] [[Акатегориа:Италиатәи аиҭарҿиара аамҭазы асахьаҭыхҩцәа]] [[Акатегориа:XVI ашәышықәсазы Италиа асахьаҭыхҩцәа-амонументалистцәа]] [[Акатегориа:Амифологиатә тематикала ирҿиоз асахьаҭыхыҩцәа]] [[Акатегориа:XVI ашәышықәсазы Италиа асахьаҭыхыҩцәа]] krt2dt03n32penssbz7ca8gx45ti4pa 170645 170640 2026-07-28T09:42:20Z Fraxinus.cs 8381 викификация 170645 wikitext text/x-wiki {{Аиҭархара|Рафаель|Рафаель (еилыркаара)|Рафаель захьӡу ма изыжәлоу егьырҭ ауаа ирызку, иара убасгьы даҽа ҵакқәак змоу.}} {{Акарточка артист | ахьӡ = Рафаелло Санцио | афото = Raffaello Sanzio.jpg | ахҵара = Ахатәыпортреҭ. 1504 - 1506 Амҿы, атемпера. 33 × 47,5 см. [[Уффици]], [[Флоренция|Флоренциа]] | атәылауаҩра = [[Афаил:Banner_of_Arms_of_the_Duchy_of_Urbino.svg|border|22px]] [[Герцогство Урбино|Урбинотәи агерцогцәа рыдгьылқәа]] | амилаҭра = италиаа | Азанааҭ = асахьаҭыхҩы, аҿыханҵаҩ, аҭыхҩы, архитектор | аԥсра зыхҟьаз = агәчымазара | аԥсыжра аҭыԥ = [[Апантеон (Рим)|Апантеон]], [[Рим]] | арҿиара дуқәа = [[Сикстинская мадонна|Сикстинтәи Мадонна]]<br />[[Афинская школа|Афинатәи ашкол]]<br />[[Преображение (Рафаэль)|Аҽеиҭакра]]<br />[[Триумф Галатеи|Галатеиа лтриумф]]<br />[[Станцы Рафаэля|Рафаель истанцқәа]] | амеценат = [[Иули II|Апапа Иули II]], [[Лев X|Апапа Леон X]], [[Киџьи, Агостино|Агостино Киџьи]] }} '''Рафаель Санти да Урбино'''<ref>{{Cite web |url=http://gramota.ru/slovari/dic/?ag=x&word=%D1%80%D0%B0%D1%84%D0%B0%D1%8D%D0%BB%D1%8C%D1%81%D0%B0%D0%BD%D1%82%D0%B8 |title=Ударение в Словаре имён собственных |access-date=2022-04-18 |archive-date=2021-05-02 |archive-url=https://web.archive.org/web/20210502142941/http://gramota.ru/slovari/dic/?ag=x&word=%D1%80%D0%B0%D1%84%D0%B0%D1%8D%D0%BB%D1%8C%D1%81%D0%B0%D0%BD%D1%82%D0%B8 |url-status=live }}</ref>, мамзаргьы '''Рафаелло Санцио''' (итал. Raffaello Santi, Raffaello Sanzio, Rafael, Raffael da Urbino, Rafaelo; [[хәажәкырамза 26|26]] ма [[Хәажәкырамза 28|28]], ма [[мшаԥымза 6]]<ref name="BRE">{{БРЭ|автор=[[Назарова, Ольга Алексеевна|О. А. Назарова]]|2=28|3=264—266|статья=Рафаэль|ссылка=https://old.bigenc.ru/fine_art/text/3495496|архив=https://web.archive.org/web/20230610205947/https://old.bigenc.ru/fine_art/text/3495496|архив дата=2023-06-10}}</ref> [[1483]] ш., [[Урбино]] — {{date|6|4|1520}} [[Рим]]) — [[Изобразительное искусство Италии|Италиатәи]] [[асахьаҭыхҩы]], [[аҿыханҵаҩ]], [[аҭыхҩы]], [[умбрийская школа|умбриатәи]], [[Флорентийская школа живописи|флоренциатәи]] [[архитектор]], уи ашьҭахь - Римтәи [[Школа (в науке и искусстве)|ашкол]]. [[Высокое Возрождение|Иреиҳау Аиҭарҿиара]], ма XVI-тәи ашәышықәса алагамҭазы "Римтәи классицизм" аҟазара ахаҭарнакцәа дыруаӡәкын. Иара ҩажәи жәибыжь шықәса роуп иниҵыз, қәра дук шныимҵызгьы, [[Италиа|Италиа]] еицырдыруаз, амал змаз асахьаҭыхҩцәа дыруаӡәкхеит. Рафаель иусумҭақәа рҿы иааирԥшит [[Ренессансный гуманизм|аренессанстә гуманизм]] иҳараку аидеиақәа, ажәытәӡантәи иаауа, наӡаӡатәи аԥшӡареи ақьырсиантә дунеихәаԥшышьеи реидкылара илиршеит. Иҭыхымҭа «[[Сикстинская мадонна|Сикстинтәи Мадонна]]» лсахьа аҭоурых аҿы зегь реиҳа еицырдыруа асахьақәа ирхыҵхьаӡалоуп; аурыс шәҟәыҩҩы [[Достоевски, Фиодор Михаил-иԥа|Фиодор Достоевски]] зегь реиҳа бзиа иибоз асахьаҭыхымҭақәа иреиуоуп<ref>{{cite web|url=http://www.mirfilologa.ru/articles/ruslit/20vek/162-sikstinskaya-madonna-v-russkoj-literature-khkh-veka|title=«Сикстинская мадонна» в русской литературе XX века|publisher=www.mirfilologa.ru|access-date=2019-07-30|archive-date=2019-07-14|archive-url=https://web.archive.org/web/20190714224120/http://mirfilologa.ru/articles/ruslit/20vek/162-sikstinskaya-madonna-v-russkoj-literature-khkh-veka|url-status=live}}</ref>. == Ирҿиаратә нысымҩа == Рафаель иусумҭақәа удыршанхоит рформа еилыкка иахьыҟоу, [[Композиция (изобразительное искусство)|ркомпозициа]] ахьымариоу, насгьы ауаҩы иҳаракыреи иԥшӡареи [[Неоплатонизм|рнеоплатонтә]] идеал аарԥшра ахьилшази рзы<ref> Christian K. Vision and the Visionary in Raphael. — Penn State Press: 2011. —ISBN 978-0-271-03704-2 </ref>. Рафаельи [[Микеланџьело|Микеланџьелои]], [[Леонардо да Винчи|Леонардо да Винчии]] Иреиҳау Аиҭарҿиара аамҭа иаҵанакуа хҩык аҟазацәа дуӡӡақәа ҳәа иԥхьаӡоуп. “Рафаель насыԥ змаз сахьаҭыхҩын. Уи ӷәӷәала аус иуан, аха илаз аҟазара Микеланџьело иеиԥш, даргәаҟуамызт, мамзаргьы Леонардо да Винчи иеиԥш иузеилымкаауа маӡаны иҟамызт. Иара иҟазара еилкаан, иҭынчын, иҳаракын, идеалтәын. Ииашаҵәҟьаны иҟазара классикатәын"<ref> Гращенков В. Н. Об искусстве Рафаэля // Рафаэль и его время. — М.: Наука, 1986. — С. 7 </ref>. Рафаель Леонардо да Винчи иаасҭа ҩажәи жәеиза шықәсала деиҵбын, Микеланџьело —аашықәса, уи аамҭа ҿыц иаҵанакуаз аҿар дырхаҭарнакхеит, иара 1520 шықәсазы иаамҭамкәа иԥсҭазаара даналҵ инаркны, Италиа Иреиҳау Аиҭарҿиара аамҭа ииасуа иалагеит<ref> [[Власов, Виктор Георгиевич|Власов В. Г.]] Рафаэль Санти // Стили в искусстве. В 3-х т. — СПб.: Кольна. Т. 3. — Словарь имён, 1997. — С. 220 </ref>. Рафаель зеиԥшыҟам аҟазара злаз сахьаҭыхҩын, аҟазарҭа ду напхгара азиуан, иара ишьҭахь аусумҭақәа рацәаны иаанижьит. Ирҿиамҭақәа, ҳәарада, х-етапкны, х-стильк рыла еихшоуп, раԥхьаӡа акәны урҭ дрыхцәажәеит [[Вазари, Джорджо|Џьорџьо Вазари]]: [[Умбрия|Умбриа]] раԥхьатәи ишықәсқәа, анаҩс ԥшьышықәса раҟара (1504-1508) [[Флоренция|Флоренциа]] асахьаҭыхратә традициақәа зныԥшуаз аамҭа, уи ашьҭахь аҵыхәтәантәи итриумфтә усура-жәаҩа шықәса [[Рим|Рим,]] ҩыџьа апапцәа: [[Юлий II|Иули II]], [[Лев X|Леон X]] (1508—1520)рхаан. === Аҭоурыхҭҵаара === Рафаель иусумҭақәа иахьагьы аспециалистцәа иҭырҵаауеит, адискуссиақәа мҩаԥыргоит. Иҳаҩсыз жәашықәсақәа ирылагӡаны, ҿыц ицәырҵыз адыррақәа инарықәыршәаны, « Анцәахша Рафаель» изкны ирҩыз XVI-тәи ашәышықәсазы Џьорџьо Вазари, XIX-тәи ашәышықәса аҵыхәтәаны [[Вёльфлин, Генрих|Генрих Виолфлин]] ашәҟәы «Аклассикатә ҟазара» (1899) аҿы ирҩыз, «[[Пассаван, Иоганн Давид|И. Д. Пассаван]] Рафаель изку раԥхьатәи имонографиаҿы, мамзаргьы А. Миронов [[Энциклопедический словарь Брокгауза и Ефрона|Брокгаузи Ефрони Ренциклопедиатә жәар]] аҿы ирҩыз рацәаны еиҭарҿыцын. Ахәҭакахьала, Иреиҳау Аиҭарҿиара аҟазара змырԥсыҽуа, акультураҿы “рафаелизм” аҭыԥи арольи иааннакыло аҭыԥи арольи еиҭарыхәаԥшын, “рафаелескқәа” ( аҟаза иҵаҩцәеи ишьҭрақәлаҩцәеи), [[маньеризм|аманиеризм]] ахь ирымоуа зыҟазаашьа. Аха Рафаель ирҿиамҭақәа адунеизегьтәи аҟазара аҭоурых аҿы ирымоу ароль дуӡӡа аҵакы гәыҩбарак узцәырнагаӡом. === Урбино имҩаԥысыз ихәыҷреи иҿареи === Рафаель Санти заа иани иаби ицәыӡит. Иан Марџьи Чарла дыԥсит 1491 шықәсазы. Иаб [[Санти, Джованни|Џьованни Санти]] Урбино агерцог иҟны,[[Гвидобальдо да Монтефельтро|Гуидобальдо да Монтефельтро]] аҳҭынраҿы сахьаҭыхҩыси поетси дыҟан. Иара 1494 шықәсазы иԥсҭазаара далҵит, аха дахьӡеит иԥа асахьаҭыхразы раԥхьатәи аурокқәа иҭара<ref>{{книга|автор=Srinivasan, A.|заглавие=World Famous Artists|ссылка=https://books.google.ru/books?id=IXvcvv1Fnw8C&pg=PA21|pages=21|isbn=81-7478-522-1}}</ref>. Ажәохәтәи ашәышықәса аҩбатәи абжазы Урбино аус зуаз Лучиано Лаурана, [[Франческо ди Джорджо|Франческо ди Џьорџьо]] Мартини, [[Пьеро делла Франческа|Пиеро делла Франческа]] иара асахьаҭыхра ирҵараҿы акырӡа аҵак ду нарыгӡеит. Рафаель Санти зегь раԥхьатәи иусумҭа, «Мадонна аӡҟы дыкны», иахьагьы [[Урбино]] ақалақь аҿы иҟоу [[Дом-музей Рафаэля Санти|Рафаель иҩны амузеи]] аҿы иҟоуп. Асахьаҭыхҩы раԥхьатәи иусумҭақәа иреиуоуп “Иԥшьоу ахҩеила рсахьа зну ахоругвь” (1499-1500 шықәсқәа инарзынаԥшуа), иара убас «Толентинотәи Иԥшьоу Николаи игәаргьынхаҵара»(1500-1501) [[Читта-ди-Кастелло|Читта ди Кастелло]] иҟоу Сант-Агостино ауахәама. === Аҵара. Умбриатәи аамҭа === [[Афаил:PalaOddiRaffaello.jpg|мини|слева|Аҭыԥҳа агәыргьын лхаҵара ([[Алтарь Одди|Одди иныҳәарҭа]]). 1502-1504 шықәсазы. Ақәатәа,атемпера (амҿы аҟынтәи еиҭагоуп). Ватикан, Пинакотека.]] 1501 инаркны Рафаель [[Перуджа|Перуџье]] (Умбриа) иҟаз [[Пьетро Перуджино|Пиетро Перуџьино]] иҟазарҭаҿы аҵара иҵон, аусгьы иуан. Уи аамҭазы, иара лассы-лассы Перуџьи ааныжьны [[Урбино]], [[Читта-ди-Кастелло|Читта ди Кастелло]] игылаз иҩныҟа дцалон, [[Пинтуриккьо|Пинтуриккио]] дицны [[Сиена]]ҟа дцон, Читта ди Кастеллои Перуџьиеи рҟынтә иоуаз азаказқәа наигӡон. 1502 азы ицәырҵуеит раԥхьатәи “рафаель имадонна”-“ [[Мадонна Солли]] ”. Мадоннеи аӡҟи рсахьақәа - Рафаель қәыԥш зегь реиҳа бзиа иибоз теман, иԥсы ҭанаҵы ус еиԥш иҟаз асахьақәа ҭихуан. Аха иара заатәи «Мадоннақәа иҭынчу Умбриатәи апеизаж афонаҿ » (А. Н. Бенуа) Перуџьино истиль ала иҭыхын. Џь. Вазари излеиҳәо ала, Рафаель раԥхьатәи иусумҭақәа Перуџьино исахьақәа ирылукаартә иҟам. Егьырҭ раԥхьатәи аусумҭақәа рахь иаҵанакуеит «[[Сон рыцаря|Арыцар иԥхыӡ]]», «[[Три грации (Рафаэль)|Х-грациак]]»(рыҩбагьы 1504 шықәса инарзынаԥшуа). [[Дворжак, Макс|Макс Дворжак]] иазгәеиҭахьан, Рафаель «Умбриатәи аҟазацәа рҵаҩы иаҳасабала далагеит, нас Фра Бартоломео Флоренциа иааирԥшуаз адинтә-идеалисттә хырхарҭа дадгылеит ҳәа.Рафаель Римҟа диасаанӡа иԥсҭазаара далҵызҭгьы, иара ҳаамҭазы умбриа-флоренциатәи ашкола аҟазацәа бзиақәа дырхыԥхьаӡалахон, уи аҩаӡарагьы дахысран дыҟамызт. Наӡаӡатәи ақалақь ауп иара истиль дуи ирҿиара ауниверсалтә ҵаки рышьаҭа зҳаз<ref> Дворжак М. История итальянского искусства в эпоху Возрождения. Курс лекций. — М.: Искусство, 1978. — Т. II. — XVI столетие. — С. 45 </ref>. Хәыҷы-хәыҷла Рафаель ихатә стиль ааирԥшит. Асахьа «[[Обручение Девы Марии (картина Рафаэля)|Мадоннеи ԥаҵа зҿам Иосифи]]» (1504) аҿы Пиетро Перуџьино абри атемала иҟаиҵаз акомпозициа даҽазныкгьы иаагоуп, аха асахьақәа рҭыхра апластикаҿы аҵаҩы ирҵаҩы дииааит. Одди иныҳәарҭазы иҭихыз асахьаҿы «[[Алтарь Одди|Мариа Қьырса хәыҷ дыкны]] » (1504 шықәса инарзынаԥшуа), Рафаель иԥшааит анаҩстәи иусумҭақәа рҿы еиқәиршәашаз акомпозициа. Аныҳәарҭа рзы акомпозициа дуқәа рыдагьы, Рафаель иаԥиҵеит асахьа хәыҷқәа: «[[Мадонна Конестабиле]]» (1502-1504), «Агәылшьап зшьуа Аԥшьа Георги » (1504-1505 инарзынаԥшуа) насгьы апортреҭқәа - «Пиетро Бембо ипортреҭ» (1504-1506). 1504 шықәсазы Урбино ақалақь аҿы Рафаель афилософ, ашәҟәыҩҩы, афилантроп, аграф [[Кастильоне, Бальдассаре|Балдассаре Кастильоне]] диабадырит, уии иареи аиҩызара ӷәӷәеи асалам шәыҟәқәеи рыбжьалеит, ахәҭакахьала, Рафаель иҭихыз аҭыӡсахьа “[[Триумф Галатеи|Галатеиа лтриумф]]” иадҳәалоу, аҟазара аҭоурых аҿы еицырдыруаз ашәҟәқәа. === Флоренциатәи аамҭа. "Флоренциатәи Амадоннақәа" === [[Афаил:Raphael Madonna with Beardless St. Joseph.jpg|мини|[[Мадонна с безбородым Иосифом|Мадонна аԥаҵа зҿам Иосиф дицны]] (Иԥшьоу аҭаацәара) 1506. Темпера, ақәатәа, ахәшашәыга (амҿы аҟынтәи еиҭагоуп). Аҳәынҭқарратә Ермитаж, Санкт-Петербург]] 1504 шықәса ахырқәшамҭазы Рафаель [[Флоренция|Флоренциа]]ҟа нхара диасит. Абраҟа [[Леонардо да Винчи|Леонардо да Винчии]] иареи еибадырит, иара убас [[Микеланџьело|Микеланџьело]], [[Фра Бартоломео|Бартоломео делла Порта]] уҳәа егьырҭ Флоренциатәи аҟазацәа аӡәырҩы. Инҭкааны иҭиҵаауан Леонардо да Винчи иҿыханҵатә техника, и[[сфумато]]. Рафаель егьырҭ аҟазацәа реихьӡарақәа ирласны идикылон, иҵон, иӡхьоу Леонардо да Винчи исахьаҭыхымҭа “Ледеи амшынҟызи” аҟынтәи Рафаель иҭыхымҭа нханы иҟоуп, иара убас Микеланџьело иҭыхымҭа “Аԥшьа Матфеи” аҟынтәи. «...Леонардои Микеланџьелои русумҭақәа рҿы иибаз атехникақәа ирыбзоураны, иара иҵегьы аусура иҽадицало далагеит, урҭ рҟынтәи иҟазареи иҟазшьеи рзы ахәарҭа ду алигарц азы», ​​— ҳәа иҩуан Џь. Вазари<ref name="Вазари">{{книга |автор = Джорджо Вазари. |часть = |заглавие = Жизнеописания наиболее знаменитых живописцев, ваятелей и зодчих|оригинал = |ссылка = |ответственный = |издание = |место = М.|издательство = АЛЬФА-КНИГА |год = 2008|том = |страницы = |страниц = |серия = |isbn = |тираж = }}</ref>. “Иҳәаатәхаз” ​​асахьа акәхеит “[[Положение во гроб (картина Рафаэля)|Акәыба аҭаҵара]]”, уи аҟаза раԥхьатәи “Умбриатәи астиль” ацәхьаҵразы иҟаиҵаз аҽазышәара аанарԥшуан. Рафаель раԥхьаӡа Флоренциа Аньоло Дони иҟынтәи, уи иԥҳәыси иареи рпортреҭқәа ҭихразы азаказ иоуит, аҵыхәтәантәи Леонардо да Винчи иҭыхымҭа « [[Мона Лиза|Мона Лиза дель Џьокондо]]» Рафаель инаҭаз анырра аныԥшит. Иара убри аамҭазы, Аньоло Дони изы Микеланџьело Буонарроти «[[Мадонна Дони]]» [[тондо|атондо]] аԥиҵеит. Флоренциа Рафаель аныҳәарҭатә сахьақәа ҭихит: «Аҳ итәарҭаҿ итәо Мадонна Иоанн Аӡӡаахҩи Баринтәииҿ Николаи лыцны» (1505 шықәса иназынаԥшуа), «[[Положение во гроб (Рафаэль)|Акәба аҭаҵара]]» (1507 шықәса) насгьы апортретқәа - « [[Дама с единорогом (картина Рафаэля)|Аԥҳәызбеи атәыҩазаҵәи]]» (1506-1507 инарзынаԥшуа). Аҿыцрақәа рацәаны ишцәырҵызгьы, Рафаель итрадициатәу атехника еиҳа еиӷьишьон: темперала аус иуан, амҿаҟны ахәшашәыга ихы иаирхәон, ақәатәа аҿы акәымкәа. 1507 азы Рафаельи [[Донато Браманте]]и еибадырит. Ишьақәырӷәӷәам адокументалтә версиа ала, урҭ еиуацәан, иҟалап Браманте иашьа иԥа иакәызҭгьы. Ишыҟазаалакгьы, Браманте иакәхеит абжьгаҩыс иоуз, анаҩсгьы хылаԥшра изызуаз, ашьҭахь Ватикан аусуразы иреиӷьу акандидат ҳәа асахьаҭыхҩы Апапа [[Юлий II|Иули II]] дидигалеит. Рафаель еиҳа-еиҳа ихьӡ-иԥша иацлон, аԥшьацәа рсахьақәа раԥҵаразы адҵақәа рацәаны иоуан: « Иԥшьоу аҭаацәара аԥшьацәа Елизаветеи Иоанн Аӡӡаахҩи рыцны» (1506-1507 шықәсақәа инарзынаԥшуа). «[[Мадонна с безбородым Иосифом|Иԥшьоу аҭаацәара (Мадоннеи аԥаҵа зҿам Иосифи)]]» (1505-1507), «[[Святая Екатерина Александрийская (Рафаэль)|Александриатәи Аԥшьа Екатерина]]» (1507-1508 инарзынаԥшуа). [[Афаил:Raffaello Sanzio - Madonna del Cardellino - Google Art Project.jpg|мини|слева|[[Мадонна со щеглом|Мадонна ашьхарҵыс кны]]. 1505-1506 шықәсазы. Амҿы, ахәшашәыга. Уффици, Флоренциа]] Флоренциа ақалақь аҿы Рафаель Мадоннақәа зну асахьақәа ҩажәаҟа аԥиҵеит. Амала, атемақәеи акомпозициақәеи еиҭаҭихуан: Мадонна аӡҟы ма дылгәыдкыланы дылкуп, мамзаргьы [[Иоанн Креститель|Иоанн Аӡӡаахҩы]] ивара дыхәмаруеит, аха “Мадоннақәа” зегьы индивидуалтәқәоуп, насгьы ирныԥшуа ан лыхаарақәа узеидкылом (иҟалап, иан заа лыԥсҭазаара дахьалҵыз Рафаель игәаҿы ашьҭа ӷәӷәа ааннажьзар). Рафаель ихьӡ-иԥша ахьеизҳауаз иабзоураны, азаказқәа рацәаны иоуа далагеит; иара «[[Мадонна Грандука]]» аԥиҵоит (1505), «[[Мадонна с гвоздиками|Мадонна агвоздикақәа кны]] » (1506 шықәса инарзынаԥшуа), «Мадонна абалдахин аҵаҟа» (1506-1508). Ари апериод иреиӷьыз аусумҭақәа рахь иаҵанакуеит «[[Мадонна Террануова]]» (1504-1505), «[[Мадонна со щеглом|Мадонна ашьхарҵыс кны]] » (1506), «Мадоннеи аӡҟи Иоанн Аӡӡаахҩи ([[Прекрасная садовница|Абаҳчааӡаҩ ԥшӡа]])» (1507-1508). === Римтәи аамҭа. Ватикан иусура === [[Афаил:"The School of Athens" by Raffaello Sanzio da Urbino.jpg|мини|300px|[[Афинская школа|Афинатәи ашкол]]. 1510-1511 шықәсазы. Аҭыӡсахьа. Астанца делла Сениатура, Ватикан]] [[Афаил:Liberazione di san pietro 05.jpg|thumb|200px|справа|Аԥшьа Пиотр аҳаԥсы аҟынтәи ихы иақәиҭтәра. Астанца д'Елиодоро асахьанҵа ахәҭаҷ. 1513-1514]] 1508 шықәса аҩбатәи абжазы Рафаель [[Рим]]ҟа нхара диасит (иԥсы ҭанаҵы уаҟа даанхеит), Браманте ицхыраарала апапа иаҳҭынраҿы аофициалтә сахьаҭыхыҩны дҟалеит. Рим ауп Рафаель аклассицистикатә [[Стиль (искусство)|стиль]] ахьаԥиҵаз, уи алоуп ҳаамҭазгьы иусумҭақәа злаудыруа. Уи атәы 1918 азы иналукааша австриатәи аҟазара аҭоурыхҭҵааҩы [[Дворжак, Макс|Макс Дворжак]] илекциақәа рҿы иазгәеиҭеит, уи «Римтәи астиль» ацәырҵра Рафаель «идеалтә типқәа» раԥҵара иадҳәалоуп ҳәа азгәаҭаны, Рафаель иклассицистикатә стиль «аманера ду» шьаҭас иамоуп ҳәа аликааит. Дворжак ари иуникалтәу астиль аҷыдара хадақәа иреиуоуп ҳәа иазгәеиҭеит «игармониатәу аидеал», иара убас « асахьаркыратә релиативизм»<ref> Дворжак М. История итальянского искусства в эпоху Возрождения. Курс лекций. В 2-х т. — Т. 2. XVI столетие. — М.: Искусство, 1978. — С. 49, 50 </ref>. [[Гращенков, Виктор Николаевич|В. Н. Грашьенков]]гьы ари ахшыҩҵак дадгылон, инаҵшьны иазгәаҭо, асахьаҭыхҩы ирҿиара хықәкыла римтәи апериод аан ауп «Рафаель аклассик иҭыԥ Рафаель аклассицист ианааникылаз» ҳәа<ref> Гращенков В. Н. Рафаэль. — М.: Искусство, 1971. — С. 172 </ref>. Рафаель иаԥҵамҭақәа рҿы, Перуџьинои Брамантеи рныррала, архитектуратә ргыларақәа ҭихуан — ацентртә хыбрақәа, акупол змоу аротондақәа, агьежьбжа змоу ахыбрагьагьақәа. Аҟазаратә стиль ҿыц шьаҭас иамаз «анатура аҭҵаара», ма «ажәытәӡауаа рыҿыԥшра» акәӡамызт,уаанӡа ишазгәарҭоз еиԥш, урҭ рыҩбагьы еицҵаны, аԥсабара иагу ашьахәрақәа абстракттә идеалк аҿаргыланы иаадырԥшуа иалагеит<ref> [[Власов, Виктор Георгиевич|Власов В. Г.]] Римский классицизм // Новый энциклопедический словарь изобразительного искусства. В 10 т. — СПб.: Азбука-Классика. — Т. VIII, 2008. — С. 175 </ref>. М. Дворжак иажәақәа рыла, асахьатә формақәа рестетикатә ҟазшьақәа Рафаель «аҵаки аԥсабара гәык ала азыҟазаареи иреиҳаны » иргылеит. Аестетика ҿыц шьаҭас иаман, акы, bellezza (аԥшӡара), ҩба, maniera grande (аманера ду), уи иаанаго {{Ацитата алагара}}“Аформақәа еиҳа идуны рааԥшра ада, ахәыцшьа ҳаракгьы: иаарԥшу аперсонажқәа иреиҳау абзазашьа ныҟәызго ракәны иҟазар ауп. Убри ауп изыбзоуроу дара рыртәашьа ԥагьагьы, зны-зынла атеатралра зныԥшуа, аха аҩныҵҟатәи ахақәиҭра знубаало, еилыххха иҟоу рнапҟьашьақәа. Аҭагылазаашьақәа атеатралтә ҟазшьа рымоуп, ахаҿсахьа иалоу аҳаҭырқәҵаратә доуҳа инақәыршәаны... аҩныҵҟатәи ахақәиҭреи аҳаҭырқәҵареи рыла иҭәуп... Ари астиль, иҟалап, зегь рыла ажәытәӡатәи атрадициа иахылҵыз акәзар, аха уеизгьы уи зынӡа иеиԥшым акы аанарԥшуан<ref> [[Дворжак, Макс|Дворжак М]]. История итальянского искусства в эпоху Возрождения. Курс лекций. В 2-х т. — Т. 2. XVI столетие. — М.: Искусство, 1978. — С. 49 </ref>{{Ацитата алгара}}. Рафаель иестетикатә кредо инагӡаны, еилыкка иааԥшуеит аграф [[Кастильоне, Бальдассаре|Бальдассар Кастильоне]] иахь ииҩыз еицырдыруа асалам шәҟәаҿы,[[Рим]]тәи [[Вилла Фарнезина]] аҟны аҟаза “[[Триумф Галатеи|Галатеа лтриумф]]” ҳәа изышьҭоу аҭыӡсахьа аус ахьадиулоз инамаданы.(1511ш) Аграф Рафаель иусумҭа гәахәара дула идикылеит, Галатеа лҭыхразы иҟаз амодель дазусҭадаз ҳәа диазҵааит, «аӡгьы» ҳәа ҭакс ианиоу даара иџьеишьеит. Рафаель 1514 шықәсазы Кастильоне аҭак изиҩит: {{Ацитата алагара}}«Галатеиа лтәы ҳҳәозар, сара схы ҟаза дууп ҳәа исыԥхьаӡарын, Шәара Ҳаҭыр зқәу исзышәыҩуа арҽхәаԥхьыӡ дуқәа рыбжак иадамзаргьы аҭыхымҭа ианыԥшуазҭгьы... Иара убасгьы ишәасҳәоит, аԥхәызба ԥшӡа лсахьа ҭысхырц азы, аԥшӡақәа рацәаҩны избар ауп, амала Шәара Ҳаҭыр зқәу уа шәыҟаны, уи лалхраҿы шәсыцхааруазар; Аха аӡбаҩ бзиақәеи аҳәса ԥшӡақәеи ахьмаҷу инамаданы, схаҿы иааиуа аидеиа ауп схы иасырхәо»<ref> Мастера искусства об искусстве. — В 7 т. — М.: Искусство, 1966. — Т. 2. — С. 156—157. Перевод А. И. Аристовой</ref>{{Ацитата алгара}}. Аха, Дворжак ишазгәеиҭаз ала, ас еиԥш иҟоу абстракттә идеалисттә цәырҵра иаарласны акризис ахылҿиааит. Аха XVI-тәи ашәышықәса алагамҭазы ари акризис макьана ирныруамызт. Апапа [[Юлий II|Иули II]] идҵала, насгьы Ватикан архитектор хада [[Донато Браманте]] иҟаиҵаз ажәалагалала, Рафаель адҵа иоуит Ватикантәи ауадақәа рҭыӡқәа асахьақәа рныиҵарц азы. {{Main|Рафаель истанцақәа}} “Рафаель истанцқәа” (италиа бызшәаҟынтә: Le Stanze di Raffaello, италиа Stanzа- ауада: [[Ватикан]] [[Апостольский дворец|Апапа ихан]] ахԥатәи аихагылаҿы иҟоу ԥшь-уадак рыла ишьақәгылоу [[анфилада]]. Анфилада идуқәам х-залк аҵанакуеит, иара убас еиҳа еиҳау еиҭа даҽакгьы, «Константин изал» ҳәа изышьҭоу. Раԥхьа « Астанца делла Сениатура» аҭӡамцқәа ҭыхын,( анапынҵамҭақәа ма аусԥҟақәа руада) Ари ауада иалкаау аҵак ду арҭон. Рафаель ԥшьы-хкыкны иҟоу ауаҩы интеллектуалтә усура аазырԥшуа акомпозициақәа аԥиҵит: адиндырра, аиуриспруденциа, апоезиа, афилософиа- « [[Диспута]]», (1508-1509), « Аҟәыӷара. Ахмырҟьацәареи Амчи»(1511), иара убас зегь иреиӷьӡақәоу «[[Парнас (фреска)|Парнас]]»(1509-1510), « [[Афинская школа|Афинатәи ашкол]]»(1510-1511). Аҭыӡсахьақәа зегьы иреиӷьу, ауадақәа рҿы зегь раасҭа еицырдыруа усумҭоуп ҳәа иԥхьаӡоуп « Афинатәи ашкол», -Аиҭарҿиара аамҭази, [[ренессанс|аренессанстә]] ҟазареи, Рафаель ирҿиамҭақәеи иреиӷьу аԥҵамҭа. Ахьӡ "Афинатәи ашкол" [[Беллори, Джованни Пьетро|Џьованни Пиетро Беллори]] иӡбеит 1672 ш. азы (Le vite de' pittori, scultori et architetti moderni). Аҭыӡсахьа ауада хәыҷы аҭӡамц зегьы ааннакылоит (8 х 10 м). Ашьаҭаҿы афреска аҭбаара: 7,7 м.ыҟоуп Рафаель иусумҭақәа ахаҭәаау «аидеалтә стиль» аҿырԥшы адырԥшуеит, уи иналукааша архитектор, «римнтәи аклассицизм» аԥҵаҩы [[Донато Браманте]] инырра ацхыраарала иҿиеит. Вазари излаиҳәо ала, Браманте иоуп аҭыӡсахьа архитектуратә фон авторс иамоу: ахыргьагьа агьежьбжа, Аполлони Минервеи рбаҟақәа рганқәа. Иџьашьахәу, иҳаракӡоу архитектура афон аҿы иубоит еиуеиԥшым агәыԥқәа рыла Рафаель еидикылаз ажәытәтәи афилософцәа. Афигурақәа апортреҭтә ҟазшьақәа рыҭан, насгьы Аиҭарҿиара аамҭазы инхоз ауаҩы урҭ аперсонажқәа ихааназтәи ауаа рхы-рҿқәа рнибаалон. Убас, [[Платон]] ихаҿсахьаҿы Леонардо да Винчи даарԥшуп, Микеланџьело (аҵыхәтәантәи акомпозициа далагалоуп) инкахәыцуа итәо [[Гераклит]] иакәны даарԥшуп, ациркуль зку [[Евклид]] Браманте исахьа имоуп, арыӷьарахьтәи аганаҿ игылоу [[Птолемей|Птолемеи]] даара Рафаель ихаҭа диеиԥшуп. Аахәаҩи аҟазеи ишырхәыцыз ала, ақьырсиантә [[неоплатонизм]] аидеиақәа инарықәршәаны, ас иҟоу аиԥшзаара ажәытәӡатәи афилософиеи [[теология|атеологиа]] ҿыци реизааигәара асимволра анаҭоит. Урыстәылатәи асахьаҭыхҩы [[Брюллов, Карл Павлович|К.П.Бриуллов]] 1824-1828 шықәсқәа рзы Санкт-Петербургтәи [[Императорская Академия художеств|Аҟазаратә Академиа]] акопиақәа рзал азы, Рафаель иҭыхымҭа «Афинатәи ашкол» акопиа, Италиа ахәшашәыгала ақәатәаҿы иҭихит. Аҭыӡсахьа «[[Диспута]]» (италиан бызшәала: La disputa del sacramento — Иԥшьоу ақьабз иазку аимак) -ақьырсиантә қьабз амаӡақәа ирызку аицәажәара акәӡам, уи ауахәама аҳаракра ауп изызку. Апапа [[Юлий II|Иули II]] иаԥшьигаз аиконографиатә программаҿы аҭыӡсахьа «Диспута» ихадоу акәны иҟоуп. Аҭыӡсахьаҿы иаарԥшу ахҭысқәа мҩаԥысуеит адгьыли ажәҩани рҿы. Ахыргьагьа дуӡӡа, иархитектуратәу ижәҩантәу, ҩ-дунеик еиднакылоит: адгьыли ажәҩани. Амардуанҿаԥса ҭбаақәа аныҳәарҭахь унаргоит. Рафаель икомпозициа «[[Парнас (фреска)|Парнас]]» («Апоезиа»; ахьӡ «Парнас» цәырҵит XIX-тәи ашәышықәсазы) Рафаель, «Диспутеи» «Афинатәи ашколи» рыбжьара ауада мраҭашәаратәи аган аҿы аҭыԥ ылихит. Апоезиа аллегориа аҟаза иаамҭазы иҟаз агуманитартә ҵара ишаҳәоз ала иааирԥшит, [[Франческо Петрарка|Ф.Петрарке]]и, [[Джованни Боккаччо|Г.Боккаччо]]и, [[Салютати, Колюччо|К.Салутати]]и ридеиақәа инарықәршәаны. «Парнас» аҟны [[Аполлон]] жәаҩык [[Музы|амузақәа]] дрыцны даарԥшуп, еицырдыруа жәааҩык ажәытәӡатәи абырзентә, римтәи, италиатәи апоетцәа дрыгәҭылакны. Абырзен, алаҭын, италиатәи аперсонажқәа реилаӡҩара апоезиа иарҭоз аренессанстә ҵакы иалкаау атеологиа ицәырнаго агәацԥыҳәара иақәшәоит<ref> [[Власов, Виктор Георгиевич|Власов В. Г.]]. «Парнас» // Власов В. Г. Новый энциклопедический словарь изобразительного искусства. В 10 т. — СПб.: Азбука-Классика. — Т. VII, 2007. — С. 181 </ref>. Вазари ари акомпозициа иазкны инарҭбааны иҩуеит, аха хыхь-хыхьла: «Убас, Бельведер иаҿаԥшуа аҭӡамц аҿы Парнаси Геликонтәи аӡыхьи ахьыҟоу, ашьха ақәцәани анаарақәеи рҿы адаԥа ҵлақәа рбаҳча ҭихит, урҭ рыбӷьы иаҵәақәа аԥша ҟәымшәышә ишарҵысуа уныруеит,аҳауаҿы - ҵыхәаԥҵәара змам хыԥхьаӡара рацәала зцәа-зжьы хту акупидонқәа, рхы-рҿы ԥшӡақәа аартны, адаԥа амахәҭақәа хырҵәоит, авенокқәа ҟарҵоит, урҭ ахәада зегьы аҟны ирыԥсаҟьоит, ара иҟоу зегьы ииашаҵәҟьаны анцәа иԥсы рхоуп - афигурақәа рыԥшӡарагьы, аҿыханҵа ахазынарагьы. Урҭ ирыхәаԥшуа иџьеимшьар залшом, ауаҩытәыҩсатә гени, ашәыгақәа шыхазынамгьы, асахьа ашьахәра иабзоураны аҭыхымҭа аԥсы ахоушәа аҟаҵара злаилшаз<ref name="Вазари"/>. Аԥхын, 1511ш шықәсазы апапцәа раудиенциазы Рафаель напы аиркит Станца д-Елиодоро аҭыӡсахьақәа рескизқәа (аҭыӡсахьақәа руак ахьӡ ахҵан) Аҭыӡсахьақәа рпрограммаҿы иаарԥшуп, ауахәама аҭоурых иалкаау амоментқәа рзы Анцәа иаиҭоу ахьчара аидеиа, хықәкылатәи асиужетқәа адгьыл аҿы имҩаԥысуа ахҭысқәа Анцәа имч џьашьахә аҽшаланагалоу иазкуп. Ԥшь-композициак иаадыԥшуеит: «Илиодор аныхабаа аҟынтә иқәцара» (1511ш–1512), «Болсенатәи амесса» (1512), «Аԥшьа Пиотр аҳаԥсы аҟынтә ихы иақәиҭтәра » (1513–1514), «Лев Дуи Аттилеи реиԥылара» (1514). Акомпозициа “[[Изгнание Илиодора|Илиодор аныхабаа аҟынтәи иқәцара]]” (италиан бызшәала: Cacciata di Eliodoro dal Tempio) аҭыӡсахьа “Афинатәи ашкол” угәаланаршәоит, аха Рафаель индивидуалтә стиль аеволиуциа аазырԥшуа аекспрессиеи адинамикеи рыла иалкаауп. «[[Месса в Больсене|Больсенатәи амесса]]» (италиан бызшәала: Messa di Bolsena),ақьырсиантә традициа инақәыршәаны, 1263 шықәсазы Рим аҩадахьы иҟоу ақалақь хәыҷы Больсена имҩаԥысыз ахҭыс џьашьахәы ауп. Амесса мҩаԥызгоз апап қәыԥш Евхаристи иԥшьоу амаӡа агәра игомызт — ачеи аҩи Қьырса ицәеижьи ишьеи реиԥш ишыԥшьоу агәыҩбара изцәырнагон. Аныҳәа аан агостиа анышьҭырх [[антиминс]] аҿы хә-ҭыԥк рыҟны ашьа ааит. Абри асиужет иадҳәалоуп аҭыӡсахьа “[[Диспута]]” Станца делла Сениатура аҟны. Акомпозициа «Больсенатәи амесса» аҿы Рафаель Апапа Иули II аныҳәарҭаҿы «Больсенатәи аџьашьахәы» шаҳаҭс дшаиоуз ааирԥшуеит. Аҭыӡсахьа «[[Освобождение Святого Петра из темницы (фреска Рафаэля)|Аԥшьа Пиотр аҳаԥсы аҟынтәи ихы иақәиҭтәра]]» (италиан бызшәала: La Liberazione di San Pietro dal Carcere) (1513-1514) ҟазара дула иҭыхуп. Аиудеиаа раҳ Ирод Агриппа идҵала Апостол Пиотр аҳаԥсы дҭакын. Аусӡбара ҟалараны ианыҟаз ауха, Анцәа илашара дагәҭылакны Амаалықь даацәырҵит, Пиотр дирҿыхеит, ишьамҭлаҳәқәа ихыхны, ицәаз асолдаҭцәа дрывганы аҳаԥсы дҭигеит. Ари акомпозициаҿы Рафаель усҟантәи ашықәсқәа рзы даара имаҷны рхы иадырхәоз аметод ихы иарихәеит: еишьҭаргыланы еидҳәалоу х-епизодк еидикылеит. Агәҭаны амаалықь ицәоу Анцәа ицҳаражәҳәаҩ инапы ихьысуеит. Арымарахь ала, ахьчаҩцәа ирбаз иԥсабаратәым алашара иаршәаҟьан иҩны ицоит. Акомпозициа арӷьарахьтәи аган аҟны амаалықь — Аиҭарҿиара аамҭазтәи аҟазараҿы зегь раасҭа иԥшӡоу афигәрақәа руаӡәк — Пиотр аҳаԥсы дҭигоит. Акомпозициа “[[Пожар в Борго|Борго иҟалаз абылра]] ” (италиан бызшәала: Incendio di Borgo) (1514) аҟны, ари ауадаҿы иаԥҵоу аҭыӡсахьақәа рҟынтәи “Борго абылра астанца” аҿы Рафаель инапы еиҳа иуныруеит, аха Микеланџьело ду иҟынтәи иаагоу амотивқәагьы убоит. Алегенда изларҳәо ала, 847-тәи ашықәсазы Борго (Римтәи апапа ихан иазааигәоу аҭыԥ) абылра ҟалеит, уи еиҳа-еиҳа аҽарӷәӷәон Папа Леон IV Ватикантәи ихан абарҵаҿы дцәырҵны амца ааникылаанӡа. Ари акомпозициаҿы иубарҭоуп ихазынан иҭыху афигәрақәа рацәаны. Арӷьарахь, зныкымкәа асахьаҭыхҩцәа аӡәырҩы иҭырххьаз, аӡы зҭоу аԥҳал зку аԥҳәыс лфигура, агәҭаны - аԥҳәыс лнапқәа шьҭыхны, иара убас аҭӡы ахалара зҽазызшәо арԥыс. Армарахь ала Енеи, амца зку аҩны аҟынтә иаб абырг Анхис иҟәаҟәа дықәҵаны далигоит. Ари ахаҿсахьақәа ргәыԥ иунарбоит асиужет Вергили ипоема "Енеида" аҟынтә ишааагоу, Троиа иҟалаз абылра атәы ахьааирԥшуа. Акыраамҭа иныҟәарақәа рышьҭахь Енеи Италиа иҳәынҭқарра шьақәиргылеит. Убри аҟнытә иара Рим ашьаҭаркҩцәа дыруаӡәкны дыԥхьаӡоуп. “Борго абылра астанца ” — аҵыхәтәантәи уадоуп, Рафаель иҭыӡсахьақәа ахьубарҭоу. Анаҩс аҭыӡсахьақәа рыҟаҵара ицхырааҩцәа ирыдҵан: Џьулио Романо, Џьован Франческо Пенни, Џьованни да Удине уҳәа убас иҵегьы. Уи аамҭазы Рафаель апапа акрызҵазкуа егьырҭ идҵақәа инапы рылакын: Сикстинтәи акапелла аҭӡамцхҟьақәа рзы акартонқәа рыҟаҵара, насгьы Аԥшьа Пиотр ибазилика аргылара хылаԥшра аиҭон, уи аҭыԥ 1514 шықәсазы Браманте иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь иоуит. Аԥшьбатәи ауада- « Константин изал»-Рафаель иҵаҩцәа роуп аҭыӡсахьақәа анызҵаз. [[Афаил:Pope Julius II.jpg|thumb|left|Апапа Иули II ипортреҭ. 1511ш. Амҿы, ахәшашәыга. Амилаҭтә галереиа, Лондон]] '''Аҭӡамцхҟьақәа рсериа " Иԥшьоу ацҳаражәҳәаҩцәа русқәа"" 1514 шықәса анҵәамҭазы, Апапа [[Лев X|Леон X]], ихьӡ Ватикантәи [[Сикстинская капелла|Сикстинтәи акапелла]] иадиҳәаларц иӡбеит,уи азы аҭӡамцхҟьақәа рзы акартонқәа<ref> Так называли в Италии тканые ковры по главному центру производства шпалер в XV веке во французском городе Аррас </ref> азаказ ҟаиҵеит [[Деяния святых апостолов|Иԥшьоу ацҳаражәҳәаҩцәа русқәа]] » рышәҟәы асиужетқәа рыла, акапелла арԥшӡаразы. Жәа ҭӡамцхҟьак рыла ( ганцыԥхьаӡа хәба-хәба) акапелла аганахьтәи аҭыӡқәа ҵаҟатәи рыхәҭа ырԥшӡатәын. Урҭ рсиужетқәа Аевангелиеи иԥшьоу ацҳаражәҳәаҩцәа рышәҟәи рҟынтәи иааган, Аԥшьацәа Пиотри Павели рҭоурых аҟынтәи, иара убас апрограмма инақәыршәаны Қьырсеи Моисеи рҭоурыхқәа еиҭазҳәоз, флоренциатәии умбриатәии асахьаҭыхҩцәа 1481-1483 шш.рзы Сикстинтәи акапеллаҿы иҭырхыз аҭыӡсахьақәа иреиԥшын. Апапа игәҭакы инақәыршәаны, аҭӡамцхҟьақәа еидыркылар акәын Ацҳаражәҳәацәа рҭоурыхи адунеи аԥҵара инаркны Анцәа ауаа ирзынижьыз раԥхьатәи ауасиаҭ аҟынӡа (Моисеи изакәан аҩыраӷәы) аҭоурыхи, иара убас [[Микеланџьело|Микеланџьело]] акапелла аплафон аҿы иҭихыз (1508-1512), Иаса Қьырса ацҳаражәҳәаҩ Пиотр « ацаԥхақәа иҭара», насгьы апапцәа рҭоурыхи еиднакылар акәын. Аныҳәатә хҭысқәа анымҩаԥысуаз акапеллаҿы аҭӡамцӡхҟьақәа кнарҳауан. Уажәы урҭ хазы азалаҿы ицәыргақәҵоуп Рафаель еиҳа ихьшәаны иаԥиҵаз асахьақәа инарыцны: [[Мадонна ди Фолиньо]] (1511-1512), «Мариа агәыргьын лхаҵара» (1502-1504) иара убас «Аҽеиҭакра» (1519-1520) [[Ватиканская пинакотека|Ватикантәи Пинакотека]]ҿы, (еиҭныԥсахло, еснагь жәаҩык рҟынтә бжьба). Акапелла ахаҭа аҿы, урҭ рҭыԥан, аҭыӡсахьа атехника ахархәарала «аԥардақәа» иреиԥшны иҭыхуп. Ари асериа иаҵанакуеит абарҭ асиужетқәа: «Листра имҩаԥгаз аԥсаҭара» (Sacrificio di Listra), «Ацыркь ихәшәтәра» (Guarigione dello storpio), «Саул идинхаҵара аиҭакра» (Conversione di Saulo), «Елима лылашәхара» (Punizione di Elima), «Ацаԥхақәа рыҭара», « Иԥшьоу Стефан ахаҳәқәа игәыдҵара» (Lapidazione di santo Stefano), «Павел Афины иҟаиҵаз абжьагажәа» (Predica di san Paolo), «Иԥшьоу Павел аҳаԥсаҿы» (San Paolo in carcere), «Ананиа иԥсра» (Morte di Anania), «Иџьашьахәу аԥсыӡкра» (Pesca miracolosa). Ари аус аҿы аҟаза ицхраауан иҵаҩцәа [[Романо, Джулио|Џьулио Романо]]и [[Пенни, Джанфранческо|Џьованни Франческо Пенни]]и, аха асахьаҭыхымҭақәа зегьы Рафаель ихаҭа иаԥиҵеит<ref> Pierluigi De Vecchi. Raffaello. — Milano: Rizzoli, 1975. — Р. 113 </ref>. Аҭӡамцхҟьақәа ҟаҵан 1517-1519 шықәсқәа рзы [[Брюссель|Бриуссель]] ақалақь аҟны, [[Кук ван Альст, Питер|Питер Кук ван Альст]] имануфактураҿы аҿы [[Орлей, Бернарт|Бернарт ван Орлеи]] далархәны. Раԥхьаӡа 5 м аҩаӡара змаз 7 уарҳалк ҟарҵеит, урҭ роура еизакны 42 м ыҟан<ref> Большая иллюстрированная энциклопедия древностей. — Прага: Артия, 1980. — С. 62 </ref>. Аҭӡамцхҟьақәа рзы абордиурқәа ҟаҵан фламандиатәи [[барокко|абарокко]] астиль ала, [[Ван Дейк, Антонис|Антонис Ван Деик]] иҭыхымҭақәа инарықәыршәаны. Асра знапы алакыз аҳ Иаков I иааиԥхьахьаз афламаниадтәи аҟазацәагьы ракәын<ref> [[Власов, Виктор Георгиевич|Власов В. Г.]]. «Деяния апостолов» // Власов В. Г. Новый энциклопедический словарь изобразительного искусства. В 10 т. — СПб.: Азбука-Классика. — Т. III, 2005. — С. 419 </ref>. Аҭӡамцхҟьақәа ирну афигурақәа рҿы иубарҭоуп Микеланџьело «истиль ҳарак» анырра, иара убас, [[Станцы Рафаэля|Ватикантәи астанца]]ҿы Рафаель иҟаиҵаз «Борго иҟалаз абылра» ҳәа изышьҭоу аҭыӡсахьаҿгьы. Асериа ақәҿиара ду аиуит, иара акырынтә еиҭаҭырхит, Франциа [[Мануфактура Гобеленов|Гобеленаа]]и [[Мануфактура Бове|Бове]]и рмануфактурақәа рҿгьы. Акардинал Ерколе Гонзага 1548 шықәсазы Бриуссельтәи асыҩцәа ари асериа иақәҭырхырц дҵаны ириҭеит. 1563 шықәсазы, иара даныԥсы ашьҭахь, аҭӡамцхҟьақәа Мантуатәи агерцог [[Гульельмо I Гонзага|Гулельмо I Гонзага]] изынижьит. Уажәы урҭ Венециа адожқәа раҳҭынра аҟны «Агобеленқәа руадаҿы» иҟоуп<ref> Pierluigi De Vecchi. La Cappella Sistina. — Milano: Rizzoli, 1999. ISBN 88-17-25003-1 </ref>. Аҭӡамцхҟьақәа рзы акартонқәа 1623ш азы иааихәеит шьҭралатәи апринц, Англиа иаҳхараны иҟаз Чарльз I. Аҳ данԥсы ашьҭахь, аҳҭынратә мазара аҭираҿы, акартонқәа Кромвел иаахәеит, урҭ Уаитхолл абанкеттә зал аҿы акәалаԥқәа ирҭаҵәахын. Амонархиа аиҭашьақәыргылара ашьҭахь, аҳ иҭаацәара раҳратәрахьы ихынҳәит. Аграфство Сиурреи иҟаз Мортлеик амануфактураҿы еиуеиԥшым асериа ҿыцқәа раԥҵаразы акартонқәа рхы иадырхәеит. Анаҩс урҭ [[Хэмптон-Корт|Ҳемптон-Корт]] аҳҭынраҿы иҟаз иҷыдоу агалереиа иҩанрҵеит, уаҟа урҭ 1813 шықәсанӡа иҟан. Анаҩс дара [[Букингемский дворец|Букингемтәи аҳҭынра]]ҿы иҵәахын. 1865 ш инаркны еиқәхаз акартонқәа быжьба [[Лондон]], [[Музей Виктории и Альберта|Викториеи Альберти рыхьӡ зху амузеи]] ахь ииаргеит. "Рафаель илоџьиа" [[Афаил:President Trump's Trip Abroad (34079021263).jpg|thumb|220px|left|Ватикан иҟоу Ацҳаражәҳәаҩцәа рхан аҿы "Рафаель илоџьиақәа". 1508-1519 шықәсазы. Архитектор Д. Браманте ипроект. Рафаель Санти иҵаҩцәа рсахьақәа]] 1508 шықәсазы Апапа Иули II архитектор Донато Браманте дҵас ииҭеит [[Апостольский дворец|Апапа ихан]] хыхьтәи аихагылаҿы [[Лоджия|алоџьиа]] еиԥшу агалереиа иргыларц, уантәи Наӡаӡатәи ақалақь уахәаԥшлартә еиԥш. Архитектор аусура далагеит, аха 1514 шықәсазы дыԥсит, аргыларақәа ирыциҵеит Рафаель Санти. «Рафаель илоџьақәа» аамҭа анца дара ус рыхьӡырҵеит, архитектура аҭоурых аҿы XVI-тәи ашәышықәса алагамҭазы иҟаз «римтәи аклассицизм» аҟазара аканонтә ҿырԥштәны иҟалеит. Еиԥшыз жәаха секциа еиҟараны иахьеизшаз, ахаргьагьақәа, апилисатрқәа иаку аритм змоу, еиҿкаау ракәны иааԥшуеит. Аҭӡамцқәа, ахыгьагьақәа, апиластрқәа1517-1519 шш.рзы рсахьа ҭырхуан Рафаель иҵаҩцәа: [[Перино дель Вага]], [[Джулио Романо|Џьулио Романо]], [[Джованни да Удине|Џьованни да Удине]], [[Пенни, Джанфранческо|Франческо Пенни]], [[Рафаэллино дель Колле|Рафаеллино дель Колле]]. Ахагьагьақәа рыҟәшақәа зегьы рҿы Рафаель Ауасиаҭ Ҿыц атемала асиужеттә композициақәа ԥшьба ҭихит. Егьырҭ (ҩажәи жәаа Ажәытәтәи Ауасиаҭ атемала) иаанхаз аҭыԥ [[Гротеск (орнамент)|агротесктә]] [[орнамент|рԥшӡагақәа]] рыла иҵаҩцәа ихадырҭәааит. 1783 ш инаркны 1792 шықәсанӡа [[Санкт-Петербург]] аимператрица [[Екатерина II|Екатерина аҩбатәи]] лзаказала, [[Большой Эрмитаж|Аермитаж Ду]] ахыбраҿы архитектор [[Кваренги, Джакомо|Џьакомо Кваренги]] Рафаель [[Фреска|иҭыӡсахьақәа]] ркопиақәа рыла агалереи аԥиҵеит, Ватикантәи апапа иаҳҭынра ахыбрагьы аазырԥшуа. Уаанӡа гәыԥҩык асахьаҭыхҩцәа (. [[Хаккерт, Якоб Филипп|И. Ф. Хаккерт]], Д. В. Анджелони, [[Петер, Уильям|У. Петер]] уҳәа) 1778 шықәсазы Рим Рафаельи иҵаҩцәеи рҭыӡсахьақәа ркопиа аҟаҵара иалагеит. Аусурақәа напхгара рырҭон [[Унтербергер, Христофор|Х. Унтербергер]]ти [[Раффенштайн, Иоганн Фридрих|И. Ф. Раффенштайн]]и. Акопиақәа ақәатәақәа рҿы иҟаҵан, анаҩс урҭ еикәарҳәны Санкт-Петербургҟа иааргеит. [[Новый Эрмитаж|Аермитаж Ҿыц]] ахыбра андыргылоз, алоџьиақәа 1778-1787 шш рзы еиқәырханы иҟан, урҭ мраҭашәаратәи агалереиа аҩбатәи аихагылаҿы иҟан. 1515 шықәсазы [[Северное Возрождение|Аҩадатәи Аиҭарҿиара]] аамҭазы иналукааша аҟаза [[Дюрер, Альбрехт|Альбрехт Диурер]] Римҟа дааит. Уи Ватикантәи астанцақәа гәеиҭон. Рафаель исахьаҭыхымҭа ииҭеит, уи аҭакс анемец сахьаҭыхҩы Рафаель изааишьҭит ихатәы портреҭ, амала иара анаҩстәи аԥеиԥш еилкаам. === Римтәи аамҭазы иҟаз аныҳәарҭақәеи «Мадоннақәеи» === [[Афаил:Transfiguration Raphael.jpg|мини|[[Преображение (Рафаэль)|Аҽеиҭакра]]. 1516-1520 шықәсазы. Амҿы, атемпера. Пинакотека, Ватикан]] Ватикан аусутә рацәаны ишимазгьы, Рафаель аныҳәарҭақәа рсахьақәа рҭыхразы ауахәамақәа рҟынтә азаказқәа наигӡон,: «Аԥшьа Цецилиа» (1514-1515), «Аџьар аныҟәгара» (1516-1517), «[[Иезекииль (пророк)|Иезекииль]] илаԥшҵашәара» (1518 шықәса инарзынаԥшуа). Рафаель жәа сахьак инарзынаԥшуа «Амадоннақәа» Рим иҭихит. Арҭ аԥҵамҭа ҳаракқәоуп ҳәа иԥхьаӡоуп, ркомпозициа еилыкка иҟоуп: «[[Мадонна Альба]]» (1510), « [[Мадонна с рыбой|Аԥсыӡ зку Мадонна]]»,( 1512-1514), « [[Мадонна в кресле|Акресло иқәтәоу Мадонна]]», ( 1513-1514) инарзынаԥшуа. {{Main|Аҽеиҭакра (Рафаель)}} Аҟаза аҵыхәтәантәи [[шедевр|иусумҭа дуӡӡа]] "[[Преображение (Рафаэль)|Аҽеиҭакра]]" (1516-1520) ауп, уи асахьаҿы аҷыдара ҿыцқәа убарҭоуп. Хыхьтәи ахәҭаҿы Рафаель, [[Аевангелие|Аевангелие]] инақәыршәаны, Фавор ашьхаҿы ацҳаражәҳәаҩцәа [[Апостол Пётр|Пиотр]]и, [[Иаков Зеведеев|Иаков]]и, [[Иоанн Богослов|Иоанн]]и рҿаԥхьа Қьырса иҽеиҭакра џьашьахәы ааирԥшуеит. Ацҳаражәҳәаҩцәеи аџьныши ахьаарԥшу асахьа ҵаҟатәи ахәҭа,Рафаель иескизқәа рыла Џьулио Романо иҭихит. Мшаԥымза 6, 1520 шықәсазы Рафаель иԥсҭазаара даналҵ, мышқәак, [[Борго (район)|Борго]] иҩны аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагара рҽаназыҟарҵоз, ихыркәшамыз асахьаҭыхымҭа «Аҽеиҭакра» аԥсы ихаҿы игылан<ref>{{Cite web |url=http://www.nerone.cc/nerone/archivio/arch89.htm |title=Nerone Tours of Italy {{!}} Tours of Rome Florence Venice Naples Pompeii<!-- Заголовок добавлен ботом --> |access-date=2016-10-14 |archive-url=https://web.archive.org/web/20101126154319/http://nerone.cc/nerone/archivio/arch89.htm |archive-date=2010-11-26 |url-status=dead }}</ref>. Рафаель данԥсы ашьҭахь мчыбжьык анҵы, Ватикан асахьаҭыхымҭа « Лазарь Иԥсаҭалара» азааигәара «Аҽеиҭакра» кнарҳаит. [[Афаил:RAFAEL - Madonna Sixtina (Gemäldegalerie Alter Meister, Dresde, 1513-14. Óleo sobre lienzo, 265 x 196 cm).jpg|мини|слева|Сикстинтәи Мадонна. 1512-1513 шықәсазы. Ақәатәа, ахәшашәыга.. Ажәытәтәи аҟазацәа ргалереиа, Дрезден]] {{Main| Сикстинтәи Мадонна}} Рафаель иаԥҵамҭақәа зегь раасҭа иссиру ауп еицырдыруа "[[Сикстинская мадонна|Сикстинтәи Мадонна]]" (1512-1513), уи [[Дрезден]]тәи [[Галерея старых мастеров|Ажәытәтәи аҟазацәа ргалереиа]]ҿы 1754ш. инаркны иҟоуп. Шәагаала идуӡӡоу асахьаҭыхымҭа Рафаель иаԥиҵеит [[Пьяченца|Пиаченце]] иҟоу, [[Сикст II|иԥшьоу Сикст аҩбатәи]] иуахәама аныҳәарҭазы. Азаказ ҟазҵаз делла Ровере аҭаацәара ирылиааз, [[Папство|апапа]] [[Юлий II|Иули аҩбатәи]] иоуп. ( Иԥшьоу Сикст делла Ровере рҭаацәара дырхылаԥшуан ҳәа ԥхьаӡан) Асахьа акомпозициа иаанарԥшуеит аҟаза хаҭалатәи ихәыцшьа аеволиуциа. «Заатәи Мадоннақәа» рҿы Рафаель Умбриатәи апеизаж афон аҟны аӡӷабцәа ԥшӡақәа рсахьа ҭихуан. Асахьа [[Мадонна Грандука]] аҿы, иара апеизажтә фон инеитралтәу еиқәаҵәоу, зынӡа еиқәаҵәоу уҳәаргьы ауеит ала иԥсахит,аӡҟы дыкны иналымариашаны игылоу Мариа, Рафаель хагәҵәылатәи аформат дҭаикит. Анаҩс Рафаель абжьаратәи ашәышықәсақәа рзы иҟаз аиератикатә композициақәа рахь дхынҳәызшәа ҟаиҵеит, ахәҭакахьала, [[Одигитрия|Одигитриа]] византиатәи ахкы ахь<ref> [[Власов, Виктор Георгиевич|Власов В. Г.]] Сикстинская Мадонна // Новый энциклопедический словарь изобразительного искусства. В 10 т. — СПб.: Азбука-Классика. — Т. VIII, 2008. — С. 759—760 </ref>. Асахьа акомпозициа традициала [[Святое Собеседование|Иԥшьоу Аицәажәарақәа]] [[Иконография|рныхаҩыра]] иадырҳәалоит, избан акәзар аӡҟы дызку Мадонна илымҵахырхәо аԥшьацәа дрыгәҭылакны даарԥшуп. Уи еиԥшу акомпозициа змоу Рафаель егьи исахьагьы, “Мадонна ди Фолинио” (1511-1512), официалла “Sacra Conversazione” ҳәа иашьҭоуп, насгьы уи “Сикстинтәи Мадонна” шьаҭас иаиуит ҳәа иԥхьаӡоуп, уигьы “аицәажәарақәа” ртрадициа иаҵанакуеит<ref> Pierluigi De Vecchi. Raffaello. — Milano: Rizzoli Editore, 1975. — Р. 108—109 (№ 97, 105) </ref>. XVIII-тәи ашәышықәсазы, алегенда рылаҵәеит (аҭоурыхтә документқәа рыла ишьақәырӷәӷәам) Мадонна лзы модельс дҟалеит Рафаель бзиа иибоз, жәибжь шықәса зхыҵуаз ачаӡҩы иԥҳа Маргарита Лути ҳәа. Рафаель уи [[Форнарина]] лыхьӡиҵеит (италиантәи fornaro - ачаӡҩы). [[Сикст II|Аԥшьа Сикст]] ипрототип иакәын Апапа Иули ([[Сикст IV]] иашьа иԥа), [[Варвара Илиопольская|Аԥшьа Варвара]] лзы- иаҳәшьаԥҳа [[Орсини, Джулия|Џьулиа Орсини]]. Апапа дышиеԥшыз [[Кавальказелле, Джованни Баттиста|Џь.Б.Кавальказелле]]и егьырҭ аӡәырҩи иазгәарҭеит, насгьы иԥшьоу Варвара лпрототип азы Лукрециа делла Ровере лыхьӡгьы рҳәон, апонтифик иаҳәшьаԥҳа<ref> Putscher M. Raphaels Sixtinische Madonna. Das Werk und seine Wirkung. — Tübingen: Hopfer Verlag, 1955. — Р. 38 </ref>. Асахьаҭыхымҭа Мраҭашәаратәи аҟазара иреиҳау [[шедевр|ашедеврқәа]] иреиуоуп ҳәа зегьы еицҿакны иазгәарҭоит, зегь раԥхьаӡа иргыланы [[Композиция (изобразительное искусство)|акомпозициа]] ауадаҩразы, абырзен-римтәи, аԥшӡара [[идеал|аидеал]]и ақьырсиантә цәаныррақәеи рконтаминациа агармониазы. Асахьа изызҭыхыз аҭыԥ ԥшьа (Пиаченца иҟоу Сан-Систо аберҭыԥ) иаҟәыганы, уи асахьақәа ргелереиахь аиагара XVIII-тәи ашәышықәса аинтеллектуалцәа рыбжьара ахәыцра ҵаулақәа цәырнагеит<ref> Gazzola Е. La Madonna Sistina di Raffaello. Storia e destino di un Quadro. — Macerata: Quodlibet, 2013. — ISBN 9788874625246 </ref>. === Апортреҭқәа === [[Афаил:Baldassare_Castiglione,_by_Raffaello_Sanzio,_from_C2RMF_retouched.jpg|мини|[[Портрет Бальдассаре Кастильоне|Балдассаре Кастильоне ипортреҭ]]. 1514-1515 шықәсазы. Ахәшашәыга, ақәатәа. Лувр, Париж]] Ауахәамақәа рыдҵала хыԥхьаӡара рацәала иҭихуаз аусумҭақәа рыдагьы, Рафаель апортреҭтә жанр алагьы ирацәаны аус иуан. 1512 шықәсазы иҭихит «Апапа Иули II ипортреҭ». Џь. Вазари иазгәеиҭон: «Иара убри аамҭазы, даара дшеицыдыруазгьы, аҟаза ахәшашәыгала апапа Иули ипортреҭ ҭихит. Асахьа апапа даара иеиԥшын, аԥсы ҭазшәа иҟан. Уи збоз зегьы, апапа иԥсы ҭаны раԥхьа дгылошәа, ргәы хыҭ-хыҭуа иалагон<ref name="Вазари"/>. Апапа икуриа адҵала иҭыхын «Акардинал Алессандро Фарнезе ипортреҭ» (1512 шықәса инарзынаԥшуа), «[[Портрет Льва X с кардиналами Джулио Медичи и Луиджи Росси|Лев Х ипортреҭ, акардиналцәа Џьулио Медичии, Луиџьи России иваргыланы]]» (1517-1518 шықәса инарзынаԥшуа). Абарҭ аусумҭақәа рҟынтәи иалкаауп [[портрет Бальдассаре Кастильоне|Балдассаре Кастильоне]] (1514-1515) ипортреҭ. Акыр шықәса рышьҭахь, ари апортреҭ акопиа [[Рубенс]] иҭихуеит. [[Рембрандт]] раԥхьа уи асахьа ҭихуеит, анаҩс, асахьа анырра инаҭаз иабзоураны, иара ихатәы “[[Автопортрет Рембрандта (1640)|Автопортреҭ]]” ҟаиҵоит. Астанцақәа рҿы аус анимуаз аамҭазы, Рафаель «[[Портрет Биндо Альтовити|Биндо Альтовити ипортреҭ]]» ҭихит (1515 шықәса инарзынаԥшуа). Аҵыхәтәаны Рафаель ихы ҭихит «Ахатәыпортреҭи сҩызеи» (1518-1520) аҟны, аха асахьаҿы Рафаель инапы зыжәҩа иқәиҵаз дарбан ҩызоу иахьагьы еилкааӡам; аҵарауаа зыгәрагара уадаҩу аверсиақәа рацәаны иаадырԥшуеит. === Авилла Фарнезина === {{Main|Авилла Фарнезина}} {{Main|Галатеиа лтриумф}} [[Афаил:Raffael 012.jpg|мини|слева| Галатеиа лтриумф. 1511ш. "Галатеиа ллоџьиа". Вилла Фарнезина, Рим]] Абанкир, аҟазара ахылаԥшҩы [[Киджи, Агостино|Агостино Киџьи]] [[Тибр]] аԥшаҳәаҿы авилла иргылеит, уахь Рафаели иҵаҩцәеи ааԥхьара риҭеит ажәытә мифологиа асиужетқәа рыла аҭыӡсахьақәа ҭырхырц азы. Абасала, 1511 шықәсазы «[[Триумф Галатеи|Галатеиа лтриумф]]» захьӡу аҭыӡсахьа цәырҵит. Уаанӡа авилла ианыз асахьақәа Рафаель ихаҭа иусумҭақәаны иԥхьаӡан: «Рафаель абри аҭыӡсахьаҿы аԥаимбарцәеи асивиллақәеи рсахьа ҭихит. Уи иара иаԥҵамҭақәа иреӷьу ҳәа иԥхьаӡоуп, иреиӷьқәоу иреиӷьу. Ииашаҵәҟьаны, уа иану аҳәсеи ахәыҷқәеи рыԥсы ҭазшәа иҟоуп, насгьы ихырку аколорит ала иалукаауеит. Ари аусумҭа иара иԥсы анҭазгьы ахьӡ-аԥша ду изаанагахьан, иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахьгьы иара убас<ref name="Вазари"/>. Аамҭа анца, еилкаахеит, ирацәаӡаны азаказқәа ахьимаз азы, зегь раԥхьаӡа иргыланы, [[Собор Святого Петра|Аԥшьа Пиотр иныхабаа]] аргылара иадҳәалаз аусқәа, Ватикан [[Станцы Рафаэля|астанцақәа]] рҭыӡсахьақәа рҭыхра, уҳәа Рафаель ицхырааҩцәа аҭыӡсахьақәа аус рыдулара рыдиҵо далагеит.Убри аан, азыҟаҵаратә ҭыхымҭақәа рыбжеиҳарак иара Рафаель ихахьы игон, аҭыӡсахьақәа егьырҭ иҟарҵон. Авилла Фарнезина аҿы аус руан иҵаҩцәа: [[Романо, Джулио|Џьулио Романо]], [[Себастьяно дель Пьомбо|Себастьиано дель Пиомбо]], [[Пенни, Джанфранческо|Франческо Пенни]], [[Содома]]. XX-тәи ашәышықәса агәҭаны имҩаԥгаз аҭыӡсахьақәа рреставрациа ашьҭахь еилкаахеит « Галатеиа лтриумф» аҭыӡсахьа еиҳа ихадоу ахәҭақәа иара Рафаель ихаҭа ишҭихыз, егьырҭ- Џьулио Романо<ref> Pierluigi De Vecchi. Raffaello. — Р. 105 </ref><ref> Bajard S., Bencini R. Roms. Paläste und Garten. Paris: Terrail, 1997. S. 15-22 </ref>. «Александр Македонскии Роксанеи рчара» акомпозициа авилла аҩбатәи аихагылаҿы [[Содома]] иаԥиҵеит, ахқәа иалкаау рыхәҭақәак-Рафаель ихаҭа иҭихит. === Архитектура === Рафаель архитектор иаҳасабала иусура иалкаау аҵакы амоуп, уи Браманте римантәи иклассицизми уи иашьҭанеиуаз азеиԥшевропатәи архитектура [[классицизм|аклассицизм]]и аанарԥшуеит, ахәҭакахьала [[Палладианство|Палладиантәи]] ацәырҵра аныԥшуеит. Браманте 1514 шықәсазы идунеи аниԥсах, Рафаель усҟан зыргылара иаҿыз [[Собор Святого Петра|Аԥшьа Пиотр иныхабаа]] архитектор хадас дҟалеит. 1513 шықәсазы Иули II иҭыԥан иҟалаз апапагьы, [[Лев X|Леон X]] - Рафаель иҟазара ҳаҭыр ду ақәиҵон. 1513 шықәсазы иара Рафаель ажәытәӡатәи Рим иаҵанакуа аамҭа актәи археологс дҟаиҵеит. Апонтифик Ду идҵала Рафаель археологиатә ԥшаарақәа дырхылаԥшуан, Ватикантәи аколлекциақәа реидкыларақәа, рышьақәгылара хылаԥшра азиуан, насгьы Наӡаӡатәи ақалақь археологиатә сахьа (аплан) еиқәиршәеит. 1515 шықәса инаркны Рафаель Ватикан «ажәытә ҭынхақәа рзы акомиссар» иҭыԥ ааникылон<ref> Бартенев И. А. Рафаэль и архитектура // Рафаэль и его время: Сборник статей. — М.: Наука, 1986. — С. 80 </ref>. Рим Рафаель ипроект ала иргылан аџьартә- ҟәырӷ змоу аухәама [[Сант-Элиджо-дельи-Орефичи|Сант- Елиџьо- дели- Орефичи]]( аиувелирцәа рцех иԥшьоу аелегиа), иара убас даара зычаԥашьа бзиоу ауахәама [[Санта-Мария-дель-Пополо|Санта- Мариа- дель- Пополо]] акпелла Киџьи(1512-1520). Иара убас Рафаель апроект ҟаиҵеит [[Палаццо Видони-Каффарелли|Палаццо Видони- Каффарелли]] аԥхьатәи ахәҭа(1515), Бранконио дель Аквила(1520 ахыбра еиқәымхаӡеит), иара убасгьы Флоренциа иҟоу [[Палаццо Пандольфини]], уа аусурақәа хирқәшеит Франческо да Сангалло(1516-1520). 1515 азы, Рим аҩада-мраҭашәаратәи аган ахәҭаҿы, Рафаель ипроект ала акардинал Џьулио Медичи (аԥхьаҟа Апапа Климент VII) изы авилла аргылара иалагеит (аргылара хиркәшеит [[Сангалло, Антонио да (младший)|Антонио да Сангалло Аиҵбы]]). Ахыбра «[[Вилла Мадама]]» ҳәа ахьӡырҵеит (уи анаҩс аԥшәымас иаиоуз [[Маргарита Пармская|Маргарита Пармтәи]], ( Маргарита Австиратәи ҳәагьы илышьҭан, ма « [[Мадам]] Маргарет»), Алессандро Медичи иԥшәма ԥҳәыс). Авилла архитектуратә мотив хадақәа еснагь еиԥш — агьежьбжатәи ахыргьагьеи аҟәырӷи ракәын. Авестибиули алоџьиеи агротесктә темақәа рыла иҭыху асахьақәеи [[Рельеф (скульптура)|арелиеф]]қәеи рыла [[декор|ирԥшӡоуп]]. Рафаель афасад акомпозициаеи ааигәара игылоу ахыбрақәа рҷыдарақәеи еснагь еидиҳәалон, ахыбра ашәаагақәееи ахықәки азгәаҭаны, аханқәа зегьы ырԥшӡаны, акы иузаламырҩашьо аҟаҵара иҽазишәон<ref name="БСЭ">{{книга |автор = [[Алпатов, Михаил Владимирович|Алпатов М. В.]] |часть =Рафаэль |заглавие = [[Большая советская энциклопедия]] |ответственный = Гл. ред. [[С. И. Вавилов]]|издание = 2 издание|место = М.|издательство = [[Советская энциклопедия]]|год = 1965}}</ref>. Икомпозициақәа ирышьагәыҭуп ихырқәшоу аплан, асимметриа, афасадқәа апилиастрқәа рыла реихшара. Иҟоуп агәаанагара, архитектуреи аҿыханҵеи рҿы аклассицизм астиль Рафаель иоуп иаԥызҵаз, ихзырқәшазгьы ҳәа. Иусумҭақәа уанрыхәаԥшуа, ииашаҵәҟьаны, урҭ рыҩаӡара шхырқәшоу убоит, анаҩстҽи рырҿиара шзалымшо еиукаауеит<ref> Алпатов М. В. Художественные проблемы итальянского Возрождения. — М.: Искусство, 1976. — С. 10—12 </ref>. === Аҭыхымҭақәеи агравиурақәеи === [[Афаил:Raphael Lucretia.jpg|мини|слева|200px|Рафаель. Лукрециа. 1483-1520 шықәсқәа рыбжьара. Ақьаад, акалам, амарқьаф, амел. Метрополитен амузеи, Ниу-Иорк]] [[Афаил:Raimondi Lucretia's suicide.jpg|мини|200px|Маркантонио Раимонди. Лукрециа. 1515. Аџьаз аҟны агравиура.]] Рафаель иҭыхымҭақәа ԥшьышә инарзынаԥшуа еиқәхеит. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп асахьаҭыхразы аҽазыҟаҵаратә ҭыхымҭақәа, иҟоуп иара убас зхала иҟоу аусумҭақәагьы. Рафаель ихаҭа агравиурақәа ҟаиҵаӡомызт. Аха иҵаҩцәеи ицхырааҩцәеи — [[Раймонди, Маркантонио|Маркантонио Раимонди]], [[Венециано, Агостино|Агостино Венециано]], [[Денте, Марко|Марко Денте]], Џьованни Антонио Каралио — Рафаель исахьақәеи ихыркәшамыз икомпозициақәеи рхы иархәаны, арепликақәеи акомпозициатә вариациақәеи ҟарҵон. Уи абзоурала, ахәҭакахьала, иӡхьоу Рафаель исахьаҭыхымҭақәа ԥыҭк ҳара ҳаамҭанӡа иааӡеит. Рафаель иҭыхымҭақәа рыла иҟаҵаз агравиурақәа амҩадуқәа ирыԥныз адәқьанқәа рҿы ирҭиуан; урҭ аархәон италиатәи [[Майолика|амаиоликатә]] сахьаҭыхра аҟазацәа, (аҭӡамцхҟьақәа рҭыжьразы акартонқәа ҟазҵоз), амҿлыхқәа ҭаԥызҟоз, аиувелирцәа. Абас ала иҿион Аиҭарҿиара аамҭа иазҷыдаз аҟазаратә еицлабра: иналукааша асахьаҭыхҩы иусумҭа — асахьаҭыхҩы-агравиурақәа ҟазҵоз иусумҭа — анапҟаза иусумҭа уҳәа абарҭ зегьы еимаданы ианыҿиоз. Санкт-Петербургтәи [[Ермитаж|Аермитаж]] аҿы А. Венецианои М. Раимондии ркомпозициақәа зну амаиоликатә чанахқәа ыҟоуп. Насгьы, асахьанҵақәа Рафаель иҭыхымҭақәа ирықәҭыхӡам, урҭ рҿиаратә вариациақәуп, ркомпозициақәа рсахьа шыԥсыҽугьы, Рафаель ихаҭа иескизқәа раасҭагьы еиҳауп. Ари зыхҟьо аформат ахьыгьежьуи, ахьшьытә сахьанҵа аҷыдареи роуп<ref> Михайлова О. Э. Использование композиций произведений Рафаэля и его школы в росписи итальянской майолики // Рафаэль и его время: Сборник статей. — М.: Наука, 1986. — С. 142—154 </ref>. Рафаель иҭыхымҭа “ Парис иусӡбара ” дахәаԥшны (1508-1509). Раимонди аџьаз аҟны иҟаиҵаз агравиура, Џьорџьоне исахьаҭыхымҭа “Ақыҭатә концерт” (1508-1509) еиԥш, иара асхьаҭыхҩы ихаҭа [[Мане, Эдуард|Е. Мане]] ишиҳәоз ала, асахьаҭыхымҭа « [[Завтрак на траве (картина Мане)|Ашьацраҿ шьыбжьхьаҟаҵара]]»(1863) шьаҭас иаиуит<ref> Прокофьев В. Н. Живопись Эдуарда Мане между прошлым и будущим (некоторые вопросы поэтики и стилистики) // Прокофьев В. Н. Об искусстве и искусствознании. — М.: Советский художник, 1985. — С. 128 (письмо Ш. Бодлера Надару от 14 мая 1859 г.)</ref>. === Ажәеинраалақәа === [[Афаил:La Fornarina by Raffaello.jpg|мини|слева|229px|[[Форнарина (картина)|Аԥҳәыс қәыԥш лпортреҭ (Форнарина)]]. 1518-1519 шықәсазы. Палаццо Барберини, Рим. Аҵарауаа реиҳараҩык ргәы ишаанагоу ала, асахьаҿы Рафаель бзиа иибоз, имодель [[Форнарина]] даарԥшуп. Рафаель данԥсы ашьҭахь, Џьулио Романо аԥҳәыс лыжәҩахыр аҿы иҭихит «Рафаель Урбинас» ҳәа зныз анапхаҵа.]] [[Афаил:Raffaello Sanzio - La Donna Velata.jpg|мини|229px|[[Донна Велата|Донна Велата (Ақәыршә зхоу аԥҳәыс)]]. 1516.ақәатәа, ахәшашәыга. Палаццо Питти, Флоренциа]] Иаамҭазы иҟаз асахьаҭыхыҩцәа реиԥш, иаҳҳәап, [[Микеланџьело|Микеланџьело]], Рафаельгьы ажәеинраалақәа иҩуан. Иахьанӡагьы еиқәханы иҟоуп [[сонет|асонет]]қәа рыцҵаны иҭихыз исахьақәа. Ҵаҟа ижәбоит А. Махов еиҭеигаз асахьаҭыхҩы бзиа иибоз аԥҳәызбацәа руаӡәк илзикыз асонет. {{Ацитата алагара}}Амур, ирмаҷ убла хызкуа алашара Уара иааушьҭыз ҩ-бла џьашьахәык. Урҭ ҳақәдыргәыӷуеит ма ахьҭа, ма аԥхын амца шоура, Аха урҭ арыцҳашьара цәыкәбар хәыҷыкгьы рылам. Сара урҭ рыԥшӡара анысныр, Ишԥасцәыӡи схақәиҭреи сҭынчреи. Ашьхантә иасуа аԥшагьы, ацәқәырԥақәагьы Уи амца рзырцәаӡом сара сахьдырхәуашәа. Ҿымҭӡакәа сыхьанҭара ахгара сазыхиоуп Ашьамҭлаҳәқәа рыла иҿаҳәоу тәыс сыҟаз Урҭ рцәыӡра -аԥсра иаҩызоуп. Сгәаҟрақәа дарбанзаалак еиликаауеит, Агәаҳәарақәа раанкылара злымшаз Абзиабаратә ԥшатлакә ԥсаҭатәыс саиуит.{{Ацитата алгара}} === Рафаель иԥсреи Апантеон аҿы анышә иамадареи === [[Афаил:Raphael's grave, Pantheon 2010.jpg|мини|Рафаель исаркофаг Апантеон аҟны. Рим. Аскульптор А. Мунес. 1811—1833]] Рафаель иԥсҭазаара далҵит Рим, мшаԥымза 6,1520 шықәса рзы, 37 шықәса дшырҭагылаз. Џь. Вазари иҩуан, Рафаель «абжьааԥны аасҭа еиҳа қьафурала аамҭа анихига ашьҭахь » дыԥсит ҳәа, аха иахьатәи аҵарауаа ргәы ишаанаго ала, иԥсра зыхҟьаз аԥсыԥ лага-ҩагаратә чымазара имцашоура ӷәӷәала иахьханагалаз иахҟьеит. Аҳақьымцәа иҟарҵаз агха иахҟьеит ҳәа,-апапа иааишьҭыз аҳақьымцәа, ииашамыз адиагноз ықәдыргылеит, ашьакаҭәарала имцашоура ладырҟәырц рҽазыршәеит, уи ахьҭа ӷәӷәа злаланы иҟаз ачымазаҩ изы даара ишәарҭан (ари атәы XVI-тәи ашәышықәсазгьы еилкааны ирыман<ref>{{Cite web|url=https://doi.org/10.1007/s11739-020-02435-8|title=Riva, M.A., Paladino, M.E., Motta, M. et al. The death of Raphael: a reflection on bloodletting in the Renaissance. Intern Emerg Med (2020)}} </ref>). Дыԥсаанӡа, Рафаель иҭаххеит иара ихарџь ала Апантеон аҿы «ажәытәӡатәи ахаҳәтә табернакль еиҭашьақәыргылазарц, насгьы уаҟа Мадонна лҳатәара зықәгылоу аныҳәарҭа дыргыларц, уи аҵаҟа анышә дахьарҭаша аҭыԥ алихит». Ажәытәӡатәи Венера илеиԥшны(егьырҭ ахыҵхырҭақәа рыла, Исида) аҳаҭәара аҟаҵара идиҵеит иҵаҩы, аскульптор, архитектор Лоренцо Лотти, хьыӡшьас [[Лоренцетто]] ҳәа зарҳәоз. Аскульптура "Мадонна дель Сассо" ҳәа иашьҭалеит (италиан бызшәала: Мадонна дель Сассо - Ашьха Мадонна, мамзаргьы Ахаҳәтә), избан акәзар Мадонна лшьапқәа ахаҳә иқәгылоуп. Аха аҟаза ду анышә дахьамадаҵәҟьоу еилкаамызт<ref>La Morte di Raffaello. — URL: [http://la-morte-di-raffaello-da-urbino.blogspot.com/2016/11/tomba-di-raffaello-al-pantheon-la-morte.html] {{Wayback|url=http://la-morte-di-raffaello-da-urbino.blogspot.com/2016/11/tomba-di-raffaello-al-pantheon-la-morte.html|date=20220118213141}}</ref>. цәыббрамза 14, 1833ш азы, асахьаҭыхҩцәа, [[Папская академия литературы и изящных искусств|аҟазара апапа иакадемиа]] алахәылацәа ражәалагалала, Апапа Григори XVI изин ала, дахьжыҵәҟьоу аилкааразы, аӡҟы дызку Мадонна лҳатәара зықәгылаз аплита аадыртит. Уи ахҭыс иалахәын апапа икуриа ахаҭарнакцәа, апапа ицҳаражәҳәаҩ, акардинал Викарио Зурла, аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа рыцҳаражәҳәаҩцәа, ауахәама ахаҭарнакцәа, Рим ақалақь ахаҭарнакцәа, анотариусцәа, аҳақьымцәа, археологцәа. Урҭ инарҷыданы,уи аамҭазы Рим иаҭааны иҟаз еицырдыруаз ашәҟәыҩҩцәеи аҟазацәеи: И. Ф. Овербек, Б. Торвальдсен, К. П. Бриуллов, О. Верне, Ф. А. Бруни, А. А. Иванов уҳәа убас егьырҭгьы. Зегьы ааидкыланы хынҩажәи жәохәҩык ауаа. Асахьаҭыхҩы [[Камуччини, Винченцо|Винченцо Камуччини]] акардама аартра апроцесс аарԥшразы иҷыдоу азин иҭан. Иара иаарту акардамеи аԥсыбаҩи рсахьа ҭихит, урҭ литографиала иҭрыжьит. Мызкы иалагӡаны Рафаель иԥсыбаҩ зегьы иахьырбоз иқәыргылан, анаҩс уи ажәытәӡатәи Римтәи асаркофаг иҭарҵеит, иара апапа иколекциа аҟынтәи ириҭеит. Асаркофаг ахҩа аҟны алаҭинтә епитафиа анырҵеит. Уи иҩит италиатәи агуманист, акардинал [[Бембо, Пьетро|Пиетро Бембо]]: «ILLE HIC EST RAPHAEL TIMUIT QUO SOSPITE VINCI / RERUM MAGNA PARENS ET MORIENTE MORI» ( ара анышә дамадоуп Рафаель дуӡӡа, иԥсы анҭаз аԥсабара даииаир ҳәа ишәон, даныԥсы ашьҭахь иара ԥсыр ҳәа ишәон). Асаркофаг ҭыԥк аҿы ишьҭаҵаны, асаркьа ала ихырҩеит. Ахҩа аҿы адаԥа иалху аџьазтә венок арҭеит, акардама ахыхь- игәыдеибакыло ҩ-ҳәыҳәк, Антонио Муниос искульптура (1811) Акомпозициа атеатралтә ҟазшьа шамоугьы, иара уныруеит, избан акәзар «асаркофаг аҿы аӡәгьы иеиԥшымкәа, аԥштәқәеи ацәаҳәақәеи аԥсҭазаара рыхҵара здыруаз аӡәы иԥсыбаҩ ыҟоуп»<ref>Власов В. Г. Пантеон и пантеоны. Умножение наименований: культурно-исторические и мнемонические аспекты изучения памятников классической архитектуры // Архитектон: известия вузов. — 2020. — № 2(70). — URL: [http://archvuz.ru/2020_2/5] {{Wayback|url=http://archvuz.ru/2020_2/5|date=20210603064838}}</ref>. === Рафаелески === Иналукааша италиатәи аҟазацәа ирҿыԥшқәоз, рышьҭамҭа ихылақәоз аҵаҩцәа традициала иааркьаҿны ирышьҭоуп: “Џьоттески”, “Леонардески”, “Џьорџьонески”... “Рафаелескиқәа” рахь иаҵанакуеит аҟаза иҟазарҭаҿы аус зуаз ицхырааҩцәа, Рафаель данԥсы ашьҭахь, зхала аус зуаз: [[Романо, Джулио|Џьулио Романо]], [[Себастьяно дель Пьомбо|Себастиано дель Пиомбо]], [[Перино дель Вага]], [[Пенни, Джанфранческо|Франческо Пенни]], Џьованни да Удине, [[Содома]]. Зегь реиҳа абаҩхатәра иман архитектор, аҿыханҵаҩ [[Романо, Джулио|Џьулио Романо]]. Ирҵаҩы истиль ала иҟаҵаз иусумҭақәа, зны-зынлагьы иескизқәа рыла иҟаиҵоз, рыхә ҳаракны иршьомызт аамҭак ицаныз ауаа. Аха, уи XVI-тәи ашәышықәса аҩбатәи азбжазы италиатәи аҟазара аҿиараҿы анаҩстәи акыр зҵазкуа аетап [[маньеризм|аманиеризм]] аҟазара ашьаҭаркҩцәа дыруаӡәкхеит. Еиҳараӡак иара Рим аус иуан, аха зегь реиҳа иоригиналтәу иргылареи исахьанҵақәеи [[Мантуя|Мантуа]] иҟоуп — [[Палаццо дель Те]]. Џьованни Нанни [[Удине]]ҟа дхынҳәит, уаҟа иара иаԥиҵеит акыр зҵазкуа асахьаҭыхымҭақәа. Франческо Пенни [[Неаполь]]ҟа нхара диасит, аха дышқәыԥшыз дыԥсит. Перино дель Вага Флоренциеи [[Генуя|Генуе]]и аус иуан. === Рафаель ирҿиаратә метод аҭоурыхтә хәшьарақәа === Рафаель иусумҭақәа рыҭҵааҩцәеи рдырыҩцәеи реиҳараҩык иазгәарҭоит иҟазара иацу аласреи апластикеи. “Еснагь аҵара дазхиан, еиуеиԥшым аныррақәа идикылон: [[Перуджино|Перуџьино]] “ихәыцуа Мадоннақәа” рҟәымшәышәра, Леонардо да Винчи и[[сфумато]], иара убас “акомпозициатә хкәакь”, иҟазара аҵыхәтәантәи аетапаҿы Микеланџьело ифигурақәа рпластика ду. Иара анатура акырӡа аус адиулон, ашьшьы-шьшьыҳәа ескизк аҟынтә даҽа ескизкахь диасуа, акомпозициа еибакапануа,аформа шьахәны иҟаиҵон. « Иара изы аҟазара ргәаҟгамызт ма еилкаам хықәкымызт. Еиҳа-еиҳа иҟазара ршьахәуа, Рафаель иҿаԥхьа инаигӡашаз азҵаатәқәа ықәиргылон. Рафаель еснагь иҟаиҵон егьырҭ иҟарҵарц ирҭахыз». Г. Виольфлин ихшыҩҵак ҵар инақәршәаны «Микеланџьелои Леонардои рҟазара инаҭаз анырра илан игәаҭеиуа»<ref> Вёльфлин Г. Классическое искусство. Введение в изучение итальянского Возрождения. — СПб.: Алетейя, 1997. — С. 84, 88 </ref>. Рафаель иҭоурыхтә лшамҭаны иҟоуп, иҟазараҿы еиуеиԥшым ҩ-дунеик акны иахьеидиҳәалаз — ақьырсиантә дунеии аклассикатә дунеии”<ref> Гращенков В. Н. Об искусстве Рафаэля. — С. 10 </ref>. Жәашықәсала имҩаԥысуаз «[[Спор о древних и новых|Ажәытәқәеи аҿатәқәеи рзы аимак]]» ([[классицизм|аклассицизм]] адгылаҩцәеи [[барокко|абарокко]] адгылаҩцәеи) асахьаҭыхреи аскульптуреи Парижтәи Акралтә Академиа анапхгаҩы [[Лебрен, Шарль|Шарль Лебрен]] абҵарамза 5,1667 шықәсазы аклассикатә ҿыханҵа ашедеврқәа рзы лекциақәа рцикл ааиртит. Раԥхьатәи илекциа Рафаель ирҿиара иазикит. Европатәи [[Академизм|аҟазаратә академиақәа]] зегьы рҿы “Анцәахша Рафаель” иҟазара еталонс иҟан, насгьы зеиӷьыҟам ҿырԥшыгас иԥхьаӡан. Рафаелизм апологетцәа рҟынтә еиҳа иалкаауп [[Менгс, Антон Рафаэль|Антон Рафаель Менгс]]и [[Энгр, Жан Огюст Доминик|Џь. Енгар]]и. Рафаель иусумҭақәа ирымҵахырхәон [[Кальдара, Полидоро|Полидоро да Караваџьо]], [[Франча, Франческо|Франческо Франча]]. Ахәҭакахьала, Енгар иазгәеиҭеит: «Фидии Рафаели рышьҭахь аҟазараҿы акрызҵазкуа ҳәа уаҳа акгьы аартра залшом... Рафаель насыԥ иман ҳәа рҳәоит. Ааи, аха уи зыхҟьо уи ԥсабаратәла лакьыс узиҭомызт, дынцәахшан,Микеланџьело иусумҭа дуқәа уанрыхәаԥшуа, гәыкала урҭ ушдыршанхогьы, урҭ рҿы ааԥсарак аҷыдарақәа убарҭоуп. Рафаель иҟны даҽакала иҟоуп. Иаԥҵамҭақәа зегьы ссирӡақәоуп; Анцәа иаԥҵамҭақәа реиԥш, урҭ ԥшатлакәҵас ицәырҵыз рҿиаратә гәазыҳәара ссирк ала иҿиазшәа ауп ишыҟоу»<ref> Энгр об искусстве. — М.: Изд-во Академии художеств СССР, 1962. — С. 74, 81 </ref>. Рафаель иҟазарахь абас еиԥш иҟаз азнеишьа, аамҭа анца ашьҭахь аҭактә реакциа аиуит: аҟазараҿы [[романтизм|аромантизм]]и [[Реализм (живопись)|ареализм]]и рыдгылаҩцәа рыкритика обиект хаданы Рафаель дҟарҵеит. Милан, Рим ақалақьқәа рҿы Рафаель иҟазара нҭкааны иҭызҵааз аурыс сахьаҭыхҩы [[Иванов, Александр Андреевич|А. А. Иванов]] иазгәеиҭеит, Рафаель исахьақәа иааидкыланы «аграциеи аҳаракыреи» рҟазшьоуп ҳәа<ref> Мастера искусства об искусстве. М.: ИЗОГИЗ, 1937. Т. IV. С. 125 </ref>. 1883 шықәсазы Рафаель Санти диижьҭеи ԥшьышә шықәса аҵра ныҳәа дула иазгәарҭеит. [[Санкт-Петербург]] иҟоу [[Императорский фарфоровый завод|Аимператортә фарфортә зауад]] аҿы, аимператор [[Александр III]] идҵала, ари арыцхә азы Ватикан иҟоу “Рафаель илоџьиақәа” агротескқәа рмотивқәа рыла, асахьаҭыхҩы С. Р. Романов исахьанҵақәа зну “Рафаель исервиз” ҭрыжьит<ref>Рафаэлевский сервиз ИФЗ [http://farfor-expert.ru/rafaelevskij-serviz/] {{Wayback|url=http://farfor-expert.ru/rafaelevskij-serviz/|date=20220118182531}}</ref>. == Иусумҭақәа рыхәԥса == [[Афаил:Raffaello Sanzio, - cartoon for the Head of a Young Apostle, c.1519-20.jpg|мини|справа|"Ацҳаражәҳәаҩ қәыԥш ихы"]] Ԥхынҷкәынмза 5, 2012ш азы [[Сотбис|Сотсбис]] аукцион аҟны ирҭиит Рафаель исахьа “Ацҳаражәҳәаҩ қәыԥш ихы” (1519-1520) асахьаҭыхымҭа “Аҽеиҭакра” азы. Ахәԥса £29,721,250 фунт стерлинг артәет, раԥхьатәи ахә аасҭа ҩынтә еиҳан. Ари аҿыханҵатә усумҭақәа рзы ирекордуп<ref>{{Cite web |url=http://www.sothebys.com/en/auctions/ecatalogue/2012/old-master-british-paintings-evening-l12036/lot.52.lotnum.html |title=Сайт Sotheby’s |access-date=2013-01-19 |archive-date=2018-02-20 |archive-url=https://web.archive.org/web/20180220033607/http://www.sothebys.com/en/auctions/ecatalogue/2012/old-master-british-paintings-evening-l12036/lot.52.lotnum.html |url-status=live }}</ref>. == Аҟазараҿы ахаҿсахьа == === Акиносахьақәа === * 2017 - Рафаель. Аҟазара аҭауад<ref>В некоторых русских источниках — «Принц», в англоязычном прокате — ''The Lord'' (of the arts)</ref> / Рафаелло: Il Principe delle Arti (реж. Лука Виотто / Лука Виотто) - адокументалтә-хәмарратә, Рафаель Санти ироль аҿы - Флавио Паренти / Флавио Паренти, Џьованни Манти ироль аҿы - Енрико Ло Версо / Енрико Ло Версо === Афилателиаҿы === <gallery> Афаил:The Soviet Union 1970 CPA 3956 stamp ('The Conestabile Madonna' (Raphael)).jpg|Рафаель исахьаҭыхымҭа "Мадонна Конестабиле", 1970 [[СССР]] [[Почтовая марка|аԥошьҭатә марка]]ҿы. Афаил:USSR 1983 5305 3111 0.jpg|Рафаель исахьаҭыхымҭа " Иԥшьоу Аҭаацәара", 1983 [[СССР]] [[Почтовая марка|аԥошьҭатә марка]]ҿы. Афаил:КПД СССР, 1983 г. со спецгашением. 500 лет со дня рождения Рафаэля.jpg|[[Асовет Еидгыла]] аҟны 1983 ш рзы Рафаель диижьҭеи 500 шықәса аҵра аҳаҭыразы аԥошьҭатә марка иҭыжьын. Афаил:GDR-stamp Raffael 1955 Mi. 509.JPG|Рафаель исахьаҭыхымҭа "Сикстинтәи Мадонна", 1955 [[ГДР]] [[Почтовая марка|аԥошьҭатә марка]]ҿы. </gallery> == Шәахә. иара уб. == * [[Список работ Рафаэля|Рафаель иҭыхымҭақәа рсиа]] * [[Мадонны Рафаэля|Рафаель Имадоннақәа]] * [[Станцы Рафаэля|Рафаель истанцақәа]] * [[Портреты Рафаэля|Рафаель ипортреҭқәа]] * [[Форнарина]] * [[Рафаэль (кратер)|Рафаель (акратер)]] * [[Леонардо да Винчи]] * [[Микеланџьело|Микеланџьело Буанарроти]] * [[Тициан|Тициан Вечеллио]] * [[Сандро Боттичелли]] == Азгәаҭақәа == {{Reflist|2}} == Алитература == * {{Книга |автор = Санти Б. |заглавие = Рафаэль |издание = |оригинал = ''Santi Bruno'' Raffaello (1993) |ответственный=Пер. с ит. И. С. Фомичёва|место = М. |издательство = Слово |год = 1995 |страницы=|страниц = 80 |isbn=|ref = Санти Б.}} * ''Кристоф Т.'' Рафаэль. — Taschen. 2005 * {{книга | автор = {{comment|Махов А. Б.|Александр Борисович}} | заглавие = Рафаэль | место = М. | издательство = [[Молодая гвардия (издательство)|Молодая гвардия]] | год = 2011 | серия = [[Жизнь замечательных людей]] | страниц = 376[8] | isbn = 978-5-235-03462-4 | тираж = | ref = }} * {{Книга |автор = [[Стам, Соломон Моисеевич|Стам С. М.]] |заглавие = Флорентийские мадонны Рафаэля : Вопросы идейного содержания |место = Саратов |издательство = Издательство [[Саратовский университет|Саратовского университета]] |год = 1982 |страниц = 80 }} * {{книга |автор = [[Элиасберг, Нора Ефимовна|Элиасберг Н. Е.]] |заглавие = Рафаэль |ссылка = |ответственный = |издание = |место = М. |издательство = [[Искусство (издательство)|Искусство]] |год = 1961 |страниц = 56 }} * [[Гращенков, Виктор Николаевич|Гращенков В. Н.]] Рафаэль. — М.: Искусство, 1975. — 25000 экз. == Азхьарԥшқәа == * [http://www.rafaelsanti.ru/ Сайт, посвящённый творчеству Рафаэля Санти]{{In lang|ru}} * [http://top-antropos.com/religion/jesus-maria/item/134-madonny-rafajelja Мадонны Рафаэля (42 картины)] * [http://www.art-drawing.ru/gallery/category/696-raphael Рафаэль Санти. Картины] [http://www.art-drawing.ru/biographies/brief-biographies/1213-raphael и биография] * Сонеты Рафаэля Санти в переводах Павла Алешина: https://rosa-mundi.ru/section/raffaello_sanzio {{Авторитет змоу адыррақәа}} [[Акатегориа:1483 шықәсазы ииз]] [[Акатегориа:Мшаԥымза 6 рзы ииз]] [[Акатегориа:1520 шықәсазы иԥсыз]] [[Акатегориа:Мшаԥымза 6 рзы иԥсыз]] [[Акатегориа:Италиатәи аскульпторцәа]] [[Акатегориа:Италиатәи асахьаҭыхҩцәа]] [[Акатегориа:Италиатәи аиҭарҿиара аамҭазы аскульпторцәа]] [[Акатегориа:Италиатәи аиҭарҿиара аамҭазы асахьаҭыхҩцәа]] [[Акатегориа:Римтәи апантеон аҿы анышә иамадақәоу]] psrv7avt6vzv7ykhuy2xufim26p54gk Ахцәажәара:Рафаель Санти 1 55111 170633 2026-07-27T14:11:34Z Nart17 17397 Аиҭагаҩ иазкны азгәаҭа. Nart17 translation team. 170633 wikitext text/x-wiki == Аиҭагара == Ари астатиа [[:ru:Рафаэль Санти|аурыс Авикипедиа астатиа «Рафаэль Санти»]] аҟынтәи еиҭагоуп (алицензиа [https://creativecommons.org/licenses/by-sa/4.0/deed.ru CC BY-SA 4.0]; авторцәа рсиа — жьаратәи астатиа аҭоурых аҿы). * '''Аиҭагаҩ:''' Астанда Кецба * '''Апроект:''' Nart17 translation team 56wbbnjpznx5sxplyqlym08xjllwrb1