Авикипедиа abwiki https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%98%D1%85%D0%B0%D0%B4%D0%BE%D1%83_%D0%B0%D0%B4%D0%B0%D2%9F%D1%8C%D0%B0 MediaWiki 1.47.0-wmf.12 first-letter Амедиа Цастәи Ахцәажәара Алахәыла Алахәыла ахцәажәара Авикипедиа Авикипедиа ахцәажәара Афаил Афаил ахцәажәара Амедиавики Амедиавики ахцәажәара Ашаблон Ашаблон ахцәажәара Ацхыраара Ацхыраара ахцәажәара Акатегориа Акатегориа ахцәажәара TimedText TimedText talk Амодуль Амодуль ахцәажәара Event Event talk Берлин 0 4949 170652 168960 2026-07-28T20:17:45Z Oursana 8720 -+AlteNationalgalerie 1a.jpg 170652 wikitext text/x-wiki {{Акарточка анхарҭаҭыԥ |астатус=Аҳҭнықалақь |zoom1=8}} '''Берлин''' ({{lang-de| Berlin}}) – [[Германиа]] иаҳҭнықалақьыуп. <br><gallery class=center caption="Берлин - Berlin"> Berlin-Hauptbahnhof-16-2016-gje.jpg Berlin-Bikini-02-Gedaechtniskirche aus Monkey-Bar-2017-gje.jpg Berlin-212-Jazzer auf Bruecke-1995-gje.jpg Berlin-112-Gropiusbau-1993-gje.jpg Berlin-Bundeskanzleramt-02-2006-gje.jpg Berlin-Paul-Loebe-Haus-10-Reichstag-Ubahnzugang-2016-gje.jpg Berlin-Berliner Dom-12-Lustgarten-Fernsehturm-2016-gje.jpg Berlin-Gedaechtniskirche-02-2006-gje.jpg AlteNationalgalerie 1a.jpg Berlin-Juedisches Museum-02-2017-gje.jpg </gallery> ==Азгәаҭақәа== {{reflist}} [[Акатегориа:Берлин]] [[Акатегориа:Аҳҭнықалақьқәа]] [[Акатегориа:Европа аҳҭнықалақьқәа]] od7a5qe40vhnim0bb4fgytik8rdt09z Чакветаӡе, Сергеи Васили-иԥа 0 55039 170650 170251 2026-07-28T16:00:00Z InternetArchiveBot 15973 Rescuing 1 sources and tagging 0 as dead.) #IABot (v2.0.9.5 170650 wikitext text/x-wiki {{Акарточка ашәҟәыҩҩы |ахьӡ=Чакветаӡе Сергеи Васили-иԥа |даҽа ахьӡ=Чакветадзе Сергей Васильевич |афото=Чакветадзе Сергей Васильевич (spapsny.org).jpg |афото ахҵара=Чакветаӡе Сергеи Васили-иԥа |аира арыцхә=01.01.1936 |аира аҭыԥ=Аԥсны, Гәдоуҭа араион Оҭҳара ақыҭа |аԥсра арыцхә=22.11.2023 |аусура=аԥсуа шәҟәыҩҩы, ажурналист, апублицист }} '''Чакветаӡе Сергеи Васили-иԥа''' ({{lang-ru|Чакветадзе Сергей Васильевич}}; 01.01.1936, Аԥсны, [[Гәдоуҭа араион]] [[Оҭҳара]] ақыҭа – 22.11.2023 ) – аԥсуа шәҟәыҩҩы, ажурналист, апублицист. Ианашьоуп «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара, амедалқәа маҷымкәа. Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи (2012), Аԥсны ажурналистцәа Реидгылеи рлахәыла. Дыҩуан урысшәалеи аԥсышәалеи. ==Абиографиа== Оҭҳаратәи абжьаратәи ашкол далгеит (1955), иара убас А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет (1960), аԥсуа бызшәеи аурыс бызшәеи алитературеи рзаанаҭ ала. 1960 ш. инаркны рҵаҩыс-ааӡаҩыс дыҟан [[Гагра араион]] Ганҭиадтәи (Цандрыԥшьтәи) ашкол-интернат аҟны. 1960-1963 шш. раан Асовет Аррамаҵура дахысуан. Ирратә уалԥшьа анихига ашьҭахь ирҵаҩратә усура иациҵеит [[Гәдоуҭа]] араион Калдахәаратәи ашкол-интернат аҟны. 1963 ш. ноиабр 1 инаркны 1968 ш. азынӡа – ОБХСС Гәдоуҭатәи араионтә ҟәша аҟны аус иуан. 1968-1988 шш. раан СССР Аҳәынҭқарратә шәарҭадара акомитет аусҳәарҭақәа рҟны, аоперативтә усзуҩы инаркны анапхгаратә маҵурақәа рҟынӡа, аполковник ичын имоуп. Еиуеиԥшым ашықәсқәа раан ашкол ҷыдақәа дырхысуан [[Қарҭ]], Киев, Ташкент. 1988-1989 шш. рзы – Гәдоуҭа араион атуризм абиуро деиҳабын, 1990-1991 шш. раан – апартиа Гәдоуҭатәи араионтә комитет аҩбатәи маӡаныҟәгаҩын, 1991 ш. август инаркны 1998 ш. сентиабр азынӡа Гәдоуҭа араион Ахадара асоциалтә хьчара аҟәша деиҳабын. 2000-2005 шш. рзы Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵура Гәдоуҭатәи араионтә ҟәша деиҳабын. 2005-2007 шш. рзы Гәдоуҭа араион Ахадара аиҳабы ицхырааҩс дыҟан. 2007 ш. апрель инаркны акыр шы6ъса агазеҭ «Аԥсны» ахатә корреспондентс, Гәдоуҭа араион абыргцәа Рхеидкылеи аибашьра аветеранцәеи, аџьеи арбџьар мчқәеи Рхеилаки рхантәаҩыс дыҟан, Аԥсны Акомпартиа араионтә ҟәша анапхгаҩы дихаҭыԥуаҩын. Данхәҷыз инаркны асахьаркыратә литературеи апублицистикеи дрызҿлымҳан. Ипублицистикатә статиақәа икьыԥхьуан Аԥсны еиуеиԥшым апериодикатә ҭыжьымҭақәа рҟны. ==Абиблиографиа== *урысшәала: Кадыр, Басят, Сталин и другие… Документальная повесть. Сухум, 2006. *Пароль без вести пропавшего. Художественно-документальная повесть. Сухум, 2010. *Орден за донос. Кадыр, Босят, Сталин и другие… Сухум, 2012. *аԥсышәала: Иақәшәашьа ихаҵашьоуп. Аҟәа, 2018. ==Азхьарԥшқәа== *[[Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа рсиа]] *[https://spapsny.org/pisateli/chakvetadze-sergej-vasilevich Чакветадзе Сергей Васильевич] {{Асаит архивтәра|url=https://web.archive.org/web/20251028155428/https://spapsny.org/pisateli/chakvetadze-sergej-vasilevich |date=2025-10-28 }} {{ru icon}} *[https://spapsny.org/abkh/ash%D3%99%D2%9F%D3%99yi%D2%A9%D2%A9cz%D3%99a/chakveta%D3%A1e-sergei-vasili-i%D2%A7a Чакветаӡе Сергеи Васили-иԥа] {{ab icon}} {{#ifeq:{{NAMESPACE}}||[[Акатегориа:Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа]][[Акатегориа:Аԥсны ажурналистцәа]][[Акатегориа:1936 шықәсазы ииз]][[Акатегориа:Ажьырныҳәамза 1 рзы ииз]][[Акатегориа:2023 шықәсазы иԥсыз]][[Акатегориа:Абҵарамза 22 рзы иԥсыз]]}} enrfsddwau4eeo5ghjv3w0kftbt8tqe Севастополь 0 55108 170648 170644 2026-07-28T13:21:25Z Flamme-Bleue 10257 170648 wikitext text/x-wiki {{Акарточка анхарҭаҭыԥ |астатус=Ақалақь |zoom1=9}} '''Севастополь''' ({{lang-ru|Севастополь}}) – [[Ҟрым]] ақалақь. ==Ахьарԥшқәа== {{reflist}} {{Урыстәылатәи Афедерациа асубиектқәа}} {{авторитет змоу адыррақәа}} [[Акатегориа:Урыстәыла ақалақьқәа]] [[Акатегориа:Урыстәылатәи афедералтә қалақьқәа]] [[Акатегориа:СССР ақалақьқәа-фырхаҵа]] [[Акатегориа:Ҟрым]] 0wenpkw0b0vaumbl82xvwwzy2cmur0p 170651 170648 2026-07-28T19:23:12Z Fraxinus.cs 8381 170651 wikitext text/x-wiki {{Акарточка анхарҭаҭыԥ |астатус=Ақалақь |атәыла=Урыстәыла |zoom1=9}} '''Севастополь''' ({{lang-ru|Севастополь}}) – [[Ҟрым]] ақалақь. ==Ахьарԥшқәа== {{reflist}} {{Урыстәылатәи Афедерациа асубиектқәа}} {{авторитет змоу адыррақәа}} [[Акатегориа:Урыстәыла ақалақьқәа]] [[Акатегориа:Урыстәылатәи афедералтә қалақьқәа]] [[Акатегориа:СССР ақалақьқәа-фырхаҵа]] [[Акатегориа:Ҟрым]] qit9ul6jenub1ge0mryfmtdq2xl49p2 Рафаель Санти 0 55110 170649 170645 2026-07-28T15:21:35Z InternetArchiveBot 15973 Rescuing 5 sources and tagging 0 as dead.) #IABot (v2.0.9.5 170649 wikitext text/x-wiki {{Аиҭархара|Рафаель|Рафаель (еилыркаара)|Рафаель захьӡу ма изыжәлоу егьырҭ ауаа ирызку, иара убасгьы даҽа ҵакқәак змоу.}} {{Акарточка артист | ахьӡ = Рафаелло Санцио | афото = Raffaello Sanzio.jpg | ахҵара = Ахатәыпортреҭ. 1504 - 1506 Амҿы, атемпера. 33 × 47,5 см. [[Уффици]], [[Флоренция|Флоренциа]] | атәылауаҩра = [[Афаил:Banner_of_Arms_of_the_Duchy_of_Urbino.svg|border|22px]] [[Герцогство Урбино|Урбинотәи агерцогцәа рыдгьылқәа]] | амилаҭра = италиаа | Азанааҭ = асахьаҭыхҩы, аҿыханҵаҩ, аҭыхҩы, архитектор | аԥсра зыхҟьаз = агәчымазара | аԥсыжра аҭыԥ = [[Апантеон (Рим)|Апантеон]], [[Рим]] | арҿиара дуқәа = [[Сикстинская мадонна|Сикстинтәи Мадонна]]<br />[[Афинская школа|Афинатәи ашкол]]<br />[[Преображение (Рафаэль)|Аҽеиҭакра]]<br />[[Триумф Галатеи|Галатеиа лтриумф]]<br />[[Станцы Рафаэля|Рафаель истанцқәа]] | амеценат = [[Иули II|Апапа Иули II]], [[Лев X|Апапа Леон X]], [[Киџьи, Агостино|Агостино Киџьи]] }} '''Рафаель Санти да Урбино'''<ref>{{Cite web |url=http://gramota.ru/slovari/dic/?ag=x&word=%D1%80%D0%B0%D1%84%D0%B0%D1%8D%D0%BB%D1%8C%D1%81%D0%B0%D0%BD%D1%82%D0%B8 |title=Ударение в Словаре имён собственных |access-date=2022-04-18 |archive-date=2021-05-02 |archive-url=https://web.archive.org/web/20210502142941/http://gramota.ru/slovari/dic/?ag=x&word=%D1%80%D0%B0%D1%84%D0%B0%D1%8D%D0%BB%D1%8C%D1%81%D0%B0%D0%BD%D1%82%D0%B8 |url-status=live }}</ref>, мамзаргьы '''Рафаелло Санцио''' (итал. Raffaello Santi, Raffaello Sanzio, Rafael, Raffael da Urbino, Rafaelo; [[хәажәкырамза 26|26]] ма [[Хәажәкырамза 28|28]], ма [[мшаԥымза 6]]<ref name="BRE">{{БРЭ|автор=[[Назарова, Ольга Алексеевна|О. А. Назарова]]|2=28|3=264—266|статья=Рафаэль|ссылка=https://old.bigenc.ru/fine_art/text/3495496|архив=https://web.archive.org/web/20230610205947/https://old.bigenc.ru/fine_art/text/3495496|архив дата=2023-06-10}}</ref> [[1483]] ш., [[Урбино]] — {{date|6|4|1520}} [[Рим]]) — [[Изобразительное искусство Италии|Италиатәи]] [[асахьаҭыхҩы]], [[аҿыханҵаҩ]], [[аҭыхҩы]], [[умбрийская школа|умбриатәи]], [[Флорентийская школа живописи|флоренциатәи]] [[архитектор]], уи ашьҭахь - Римтәи [[Школа (в науке и искусстве)|ашкол]]. [[Высокое Возрождение|Иреиҳау Аиҭарҿиара]], ма XVI-тәи ашәышықәса алагамҭазы "Римтәи классицизм" аҟазара ахаҭарнакцәа дыруаӡәкын. Иара ҩажәи жәибыжь шықәса роуп иниҵыз, қәра дук шныимҵызгьы, [[Италиа|Италиа]] еицырдыруаз, амал змаз асахьаҭыхҩцәа дыруаӡәкхеит. Рафаель иусумҭақәа рҿы иааирԥшит [[Ренессансный гуманизм|аренессанстә гуманизм]] иҳараку аидеиақәа, ажәытәӡантәи иаауа, наӡаӡатәи аԥшӡареи ақьырсиантә дунеихәаԥшышьеи реидкылара илиршеит. Иҭыхымҭа «[[Сикстинская мадонна|Сикстинтәи Мадонна]]» лсахьа аҭоурых аҿы зегь реиҳа еицырдыруа асахьақәа ирхыҵхьаӡалоуп; аурыс шәҟәыҩҩы [[Достоевски, Фиодор Михаил-иԥа|Фиодор Достоевски]] зегь реиҳа бзиа иибоз асахьаҭыхымҭақәа иреиуоуп<ref>{{cite web|url=http://www.mirfilologa.ru/articles/ruslit/20vek/162-sikstinskaya-madonna-v-russkoj-literature-khkh-veka|title=«Сикстинская мадонна» в русской литературе XX века|publisher=www.mirfilologa.ru|access-date=2019-07-30|archive-date=2019-07-14|archive-url=https://web.archive.org/web/20190714224120/http://mirfilologa.ru/articles/ruslit/20vek/162-sikstinskaya-madonna-v-russkoj-literature-khkh-veka|url-status=live}}</ref>. == Ирҿиаратә нысымҩа == Рафаель иусумҭақәа удыршанхоит рформа еилыкка иахьыҟоу, [[Композиция (изобразительное искусство)|ркомпозициа]] ахьымариоу, насгьы ауаҩы иҳаракыреи иԥшӡареи [[Неоплатонизм|рнеоплатонтә]] идеал аарԥшра ахьилшази рзы<ref> Christian K. Vision and the Visionary in Raphael. — Penn State Press: 2011. —ISBN 978-0-271-03704-2 </ref>. Рафаельи [[Микеланџьело|Микеланџьелои]], [[Леонардо да Винчи|Леонардо да Винчии]] Иреиҳау Аиҭарҿиара аамҭа иаҵанакуа хҩык аҟазацәа дуӡӡақәа ҳәа иԥхьаӡоуп. “Рафаель насыԥ змаз сахьаҭыхҩын. Уи ӷәӷәала аус иуан, аха илаз аҟазара Микеланџьело иеиԥш, даргәаҟуамызт, мамзаргьы Леонардо да Винчи иеиԥш иузеилымкаауа маӡаны иҟамызт. Иара иҟазара еилкаан, иҭынчын, иҳаракын, идеалтәын. Ииашаҵәҟьаны иҟазара классикатәын"<ref> Гращенков В. Н. Об искусстве Рафаэля // Рафаэль и его время. — М.: Наука, 1986. — С. 7 </ref>. Рафаель Леонардо да Винчи иаасҭа ҩажәи жәеиза шықәсала деиҵбын, Микеланџьело —аашықәса, уи аамҭа ҿыц иаҵанакуаз аҿар дырхаҭарнакхеит, иара 1520 шықәсазы иаамҭамкәа иԥсҭазаара даналҵ инаркны, Италиа Иреиҳау Аиҭарҿиара аамҭа ииасуа иалагеит<ref> [[Власов, Виктор Георгиевич|Власов В. Г.]] Рафаэль Санти // Стили в искусстве. В 3-х т. — СПб.: Кольна. Т. 3. — Словарь имён, 1997. — С. 220 </ref>. Рафаель зеиԥшыҟам аҟазара злаз сахьаҭыхҩын, аҟазарҭа ду напхгара азиуан, иара ишьҭахь аусумҭақәа рацәаны иаанижьит. Ирҿиамҭақәа, ҳәарада, х-етапкны, х-стильк рыла еихшоуп, раԥхьаӡа акәны урҭ дрыхцәажәеит [[Вазари, Джорджо|Џьорџьо Вазари]]: [[Умбрия|Умбриа]] раԥхьатәи ишықәсқәа, анаҩс ԥшьышықәса раҟара (1504-1508) [[Флоренция|Флоренциа]] асахьаҭыхратә традициақәа зныԥшуаз аамҭа, уи ашьҭахь аҵыхәтәантәи итриумфтә усура-жәаҩа шықәса [[Рим|Рим,]] ҩыџьа апапцәа: [[Юлий II|Иули II]], [[Лев X|Леон X]] (1508—1520)рхаан. === Аҭоурыхҭҵаара === Рафаель иусумҭақәа иахьагьы аспециалистцәа иҭырҵаауеит, адискуссиақәа мҩаԥыргоит. Иҳаҩсыз жәашықәсақәа ирылагӡаны, ҿыц ицәырҵыз адыррақәа инарықәыршәаны, « Анцәахша Рафаель» изкны ирҩыз XVI-тәи ашәышықәсазы Џьорџьо Вазари, XIX-тәи ашәышықәса аҵыхәтәаны [[Вёльфлин, Генрих|Генрих Виолфлин]] ашәҟәы «Аклассикатә ҟазара» (1899) аҿы ирҩыз, «[[Пассаван, Иоганн Давид|И. Д. Пассаван]] Рафаель изку раԥхьатәи имонографиаҿы, мамзаргьы А. Миронов [[Энциклопедический словарь Брокгауза и Ефрона|Брокгаузи Ефрони Ренциклопедиатә жәар]] аҿы ирҩыз рацәаны еиҭарҿыцын. Ахәҭакахьала, Иреиҳау Аиҭарҿиара аҟазара змырԥсыҽуа, акультураҿы “рафаелизм” аҭыԥи арольи иааннакыло аҭыԥи арольи еиҭарыхәаԥшын, “рафаелескқәа” ( аҟаза иҵаҩцәеи ишьҭрақәлаҩцәеи), [[маньеризм|аманиеризм]] ахь ирымоуа зыҟазаашьа. Аха Рафаель ирҿиамҭақәа адунеизегьтәи аҟазара аҭоурых аҿы ирымоу ароль дуӡӡа аҵакы гәыҩбарак узцәырнагаӡом. === Урбино имҩаԥысыз ихәыҷреи иҿареи === Рафаель Санти заа иани иаби ицәыӡит. Иан Марџьи Чарла дыԥсит 1491 шықәсазы. Иаб [[Санти, Джованни|Џьованни Санти]] Урбино агерцог иҟны,[[Гвидобальдо да Монтефельтро|Гуидобальдо да Монтефельтро]] аҳҭынраҿы сахьаҭыхҩыси поетси дыҟан. Иара 1494 шықәсазы иԥсҭазаара далҵит, аха дахьӡеит иԥа асахьаҭыхразы раԥхьатәи аурокқәа иҭара<ref>{{книга|автор=Srinivasan, A.|заглавие=World Famous Artists|ссылка=https://books.google.ru/books?id=IXvcvv1Fnw8C&pg=PA21|pages=21|isbn=81-7478-522-1}}</ref>. Ажәохәтәи ашәышықәса аҩбатәи абжазы Урбино аус зуаз Лучиано Лаурана, [[Франческо ди Джорджо|Франческо ди Џьорџьо]] Мартини, [[Пьеро делла Франческа|Пиеро делла Франческа]] иара асахьаҭыхра ирҵараҿы акырӡа аҵак ду нарыгӡеит. Рафаель Санти зегь раԥхьатәи иусумҭа, «Мадонна аӡҟы дыкны», иахьагьы [[Урбино]] ақалақь аҿы иҟоу [[Дом-музей Рафаэля Санти|Рафаель иҩны амузеи]] аҿы иҟоуп. Асахьаҭыхҩы раԥхьатәи иусумҭақәа иреиуоуп “Иԥшьоу ахҩеила рсахьа зну ахоругвь” (1499-1500 шықәсқәа инарзынаԥшуа), иара убас «Толентинотәи Иԥшьоу Николаи игәаргьынхаҵара»(1500-1501) [[Читта-ди-Кастелло|Читта ди Кастелло]] иҟоу Сант-Агостино ауахәама. === Аҵара. Умбриатәи аамҭа === [[Афаил:PalaOddiRaffaello.jpg|мини|слева|Аҭыԥҳа агәыргьын лхаҵара ([[Алтарь Одди|Одди иныҳәарҭа]]). 1502-1504 шықәсазы. Ақәатәа,атемпера (амҿы аҟынтәи еиҭагоуп). Ватикан, Пинакотека.]] 1501 инаркны Рафаель [[Перуджа|Перуџье]] (Умбриа) иҟаз [[Пьетро Перуджино|Пиетро Перуџьино]] иҟазарҭаҿы аҵара иҵон, аусгьы иуан. Уи аамҭазы, иара лассы-лассы Перуџьи ааныжьны [[Урбино]], [[Читта-ди-Кастелло|Читта ди Кастелло]] игылаз иҩныҟа дцалон, [[Пинтуриккьо|Пинтуриккио]] дицны [[Сиена]]ҟа дцон, Читта ди Кастеллои Перуџьиеи рҟынтә иоуаз азаказқәа наигӡон. 1502 азы ицәырҵуеит раԥхьатәи “рафаель имадонна”-“ [[Мадонна Солли]] ”. Мадоннеи аӡҟи рсахьақәа - Рафаель қәыԥш зегь реиҳа бзиа иибоз теман, иԥсы ҭанаҵы ус еиԥш иҟаз асахьақәа ҭихуан. Аха иара заатәи «Мадоннақәа иҭынчу Умбриатәи апеизаж афонаҿ » (А. Н. Бенуа) Перуџьино истиль ала иҭыхын. Џь. Вазари излеиҳәо ала, Рафаель раԥхьатәи иусумҭақәа Перуџьино исахьақәа ирылукаартә иҟам. Егьырҭ раԥхьатәи аусумҭақәа рахь иаҵанакуеит «[[Сон рыцаря|Арыцар иԥхыӡ]]», «[[Три грации (Рафаэль)|Х-грациак]]»(рыҩбагьы 1504 шықәса инарзынаԥшуа). [[Дворжак, Макс|Макс Дворжак]] иазгәеиҭахьан, Рафаель «Умбриатәи аҟазацәа рҵаҩы иаҳасабала далагеит, нас Фра Бартоломео Флоренциа иааирԥшуаз адинтә-идеалисттә хырхарҭа дадгылеит ҳәа.Рафаель Римҟа диасаанӡа иԥсҭазаара далҵызҭгьы, иара ҳаамҭазы умбриа-флоренциатәи ашкола аҟазацәа бзиақәа дырхыԥхьаӡалахон, уи аҩаӡарагьы дахысран дыҟамызт. Наӡаӡатәи ақалақь ауп иара истиль дуи ирҿиара ауниверсалтә ҵаки рышьаҭа зҳаз<ref> Дворжак М. История итальянского искусства в эпоху Возрождения. Курс лекций. — М.: Искусство, 1978. — Т. II. — XVI столетие. — С. 45 </ref>. Хәыҷы-хәыҷла Рафаель ихатә стиль ааирԥшит. Асахьа «[[Обручение Девы Марии (картина Рафаэля)|Мадоннеи ԥаҵа зҿам Иосифи]]» (1504) аҿы Пиетро Перуџьино абри атемала иҟаиҵаз акомпозициа даҽазныкгьы иаагоуп, аха асахьақәа рҭыхра апластикаҿы аҵаҩы ирҵаҩы дииааит. Одди иныҳәарҭазы иҭихыз асахьаҿы «[[Алтарь Одди|Мариа Қьырса хәыҷ дыкны]] » (1504 шықәса инарзынаԥшуа), Рафаель иԥшааит анаҩстәи иусумҭақәа рҿы еиқәиршәашаз акомпозициа. Аныҳәарҭа рзы акомпозициа дуқәа рыдагьы, Рафаель иаԥиҵеит асахьа хәыҷқәа: «[[Мадонна Конестабиле]]» (1502-1504), «Агәылшьап зшьуа Аԥшьа Георги » (1504-1505 инарзынаԥшуа) насгьы апортреҭқәа - «Пиетро Бембо ипортреҭ» (1504-1506). 1504 шықәсазы Урбино ақалақь аҿы Рафаель афилософ, ашәҟәыҩҩы, афилантроп, аграф [[Кастильоне, Бальдассаре|Балдассаре Кастильоне]] диабадырит, уии иареи аиҩызара ӷәӷәеи асалам шәыҟәқәеи рыбжьалеит, ахәҭакахьала, Рафаель иҭихыз аҭыӡсахьа “[[Триумф Галатеи|Галатеиа лтриумф]]” иадҳәалоу, аҟазара аҭоурых аҿы еицырдыруаз ашәҟәқәа. === Флоренциатәи аамҭа. "Флоренциатәи Амадоннақәа" === [[Афаил:Raphael Madonna with Beardless St. Joseph.jpg|мини|[[Мадонна с безбородым Иосифом|Мадонна аԥаҵа зҿам Иосиф дицны]] (Иԥшьоу аҭаацәара) 1506. Темпера, ақәатәа, ахәшашәыга (амҿы аҟынтәи еиҭагоуп). Аҳәынҭқарратә Ермитаж, Санкт-Петербург]] 1504 шықәса ахырқәшамҭазы Рафаель [[Флоренция|Флоренциа]]ҟа нхара диасит. Абраҟа [[Леонардо да Винчи|Леонардо да Винчии]] иареи еибадырит, иара убас [[Микеланџьело|Микеланџьело]], [[Фра Бартоломео|Бартоломео делла Порта]] уҳәа егьырҭ Флоренциатәи аҟазацәа аӡәырҩы. Инҭкааны иҭиҵаауан Леонардо да Винчи иҿыханҵатә техника, и[[сфумато]]. Рафаель егьырҭ аҟазацәа реихьӡарақәа ирласны идикылон, иҵон, иӡхьоу Леонардо да Винчи исахьаҭыхымҭа “Ледеи амшынҟызи” аҟынтәи Рафаель иҭыхымҭа нханы иҟоуп, иара убас Микеланџьело иҭыхымҭа “Аԥшьа Матфеи” аҟынтәи. «...Леонардои Микеланџьелои русумҭақәа рҿы иибаз атехникақәа ирыбзоураны, иара иҵегьы аусура иҽадицало далагеит, урҭ рҟынтәи иҟазареи иҟазшьеи рзы ахәарҭа ду алигарц азы», ​​— ҳәа иҩуан Џь. Вазари<ref name="Вазари">{{книга |автор = Джорджо Вазари. |часть = |заглавие = Жизнеописания наиболее знаменитых живописцев, ваятелей и зодчих|оригинал = |ссылка = |ответственный = |издание = |место = М.|издательство = АЛЬФА-КНИГА |год = 2008|том = |страницы = |страниц = |серия = |isbn = |тираж = }}</ref>. “Иҳәаатәхаз” ​​асахьа акәхеит “[[Положение во гроб (картина Рафаэля)|Акәыба аҭаҵара]]”, уи аҟаза раԥхьатәи “Умбриатәи астиль” ацәхьаҵразы иҟаиҵаз аҽазышәара аанарԥшуан. Рафаель раԥхьаӡа Флоренциа Аньоло Дони иҟынтәи, уи иԥҳәыси иареи рпортреҭқәа ҭихразы азаказ иоуит, аҵыхәтәантәи Леонардо да Винчи иҭыхымҭа « [[Мона Лиза|Мона Лиза дель Џьокондо]]» Рафаель инаҭаз анырра аныԥшит. Иара убри аамҭазы, Аньоло Дони изы Микеланџьело Буонарроти «[[Мадонна Дони]]» [[тондо|атондо]] аԥиҵеит. Флоренциа Рафаель аныҳәарҭатә сахьақәа ҭихит: «Аҳ итәарҭаҿ итәо Мадонна Иоанн Аӡӡаахҩи Баринтәииҿ Николаи лыцны» (1505 шықәса иназынаԥшуа), «[[Положение во гроб (Рафаэль)|Акәба аҭаҵара]]» (1507 шықәса) насгьы апортретқәа - « [[Дама с единорогом (картина Рафаэля)|Аԥҳәызбеи атәыҩазаҵәи]]» (1506-1507 инарзынаԥшуа). Аҿыцрақәа рацәаны ишцәырҵызгьы, Рафаель итрадициатәу атехника еиҳа еиӷьишьон: темперала аус иуан, амҿаҟны ахәшашәыга ихы иаирхәон, ақәатәа аҿы акәымкәа. 1507 азы Рафаельи [[Донато Браманте]]и еибадырит. Ишьақәырӷәӷәам адокументалтә версиа ала, урҭ еиуацәан, иҟалап Браманте иашьа иԥа иакәызҭгьы. Ишыҟазаалакгьы, Браманте иакәхеит абжьгаҩыс иоуз, анаҩсгьы хылаԥшра изызуаз, ашьҭахь Ватикан аусуразы иреиӷьу акандидат ҳәа асахьаҭыхҩы Апапа [[Юлий II|Иули II]] дидигалеит. Рафаель еиҳа-еиҳа ихьӡ-иԥша иацлон, аԥшьацәа рсахьақәа раԥҵаразы адҵақәа рацәаны иоуан: « Иԥшьоу аҭаацәара аԥшьацәа Елизаветеи Иоанн Аӡӡаахҩи рыцны» (1506-1507 шықәсақәа инарзынаԥшуа). «[[Мадонна с безбородым Иосифом|Иԥшьоу аҭаацәара (Мадоннеи аԥаҵа зҿам Иосифи)]]» (1505-1507), «[[Святая Екатерина Александрийская (Рафаэль)|Александриатәи Аԥшьа Екатерина]]» (1507-1508 инарзынаԥшуа). [[Афаил:Raffaello Sanzio - Madonna del Cardellino - Google Art Project.jpg|мини|слева|[[Мадонна со щеглом|Мадонна ашьхарҵыс кны]]. 1505-1506 шықәсазы. Амҿы, ахәшашәыга. Уффици, Флоренциа]] Флоренциа ақалақь аҿы Рафаель Мадоннақәа зну асахьақәа ҩажәаҟа аԥиҵеит. Амала, атемақәеи акомпозициақәеи еиҭаҭихуан: Мадонна аӡҟы ма дылгәыдкыланы дылкуп, мамзаргьы [[Иоанн Креститель|Иоанн Аӡӡаахҩы]] ивара дыхәмаруеит, аха “Мадоннақәа” зегьы индивидуалтәқәоуп, насгьы ирныԥшуа ан лыхаарақәа узеидкылом (иҟалап, иан заа лыԥсҭазаара дахьалҵыз Рафаель игәаҿы ашьҭа ӷәӷәа ааннажьзар). Рафаель ихьӡ-иԥша ахьеизҳауаз иабзоураны, азаказқәа рацәаны иоуа далагеит; иара «[[Мадонна Грандука]]» аԥиҵоит (1505), «[[Мадонна с гвоздиками|Мадонна агвоздикақәа кны]] » (1506 шықәса инарзынаԥшуа), «Мадонна абалдахин аҵаҟа» (1506-1508). Ари апериод иреиӷьыз аусумҭақәа рахь иаҵанакуеит «[[Мадонна Террануова]]» (1504-1505), «[[Мадонна со щеглом|Мадонна ашьхарҵыс кны]] » (1506), «Мадоннеи аӡҟи Иоанн Аӡӡаахҩи ([[Прекрасная садовница|Абаҳчааӡаҩ ԥшӡа]])» (1507-1508). === Римтәи аамҭа. Ватикан иусура === [[Афаил:"The School of Athens" by Raffaello Sanzio da Urbino.jpg|мини|300px|[[Афинская школа|Афинатәи ашкол]]. 1510-1511 шықәсазы. Аҭыӡсахьа. Астанца делла Сениатура, Ватикан]] [[Афаил:Liberazione di san pietro 05.jpg|thumb|200px|справа|Аԥшьа Пиотр аҳаԥсы аҟынтәи ихы иақәиҭтәра. Астанца д'Елиодоро асахьанҵа ахәҭаҷ. 1513-1514]] 1508 шықәса аҩбатәи абжазы Рафаель [[Рим]]ҟа нхара диасит (иԥсы ҭанаҵы уаҟа даанхеит), Браманте ицхыраарала апапа иаҳҭынраҿы аофициалтә сахьаҭыхыҩны дҟалеит. Рим ауп Рафаель аклассицистикатә [[Стиль (искусство)|стиль]] ахьаԥиҵаз, уи алоуп ҳаамҭазгьы иусумҭақәа злаудыруа. Уи атәы 1918 азы иналукааша австриатәи аҟазара аҭоурыхҭҵааҩы [[Дворжак, Макс|Макс Дворжак]] илекциақәа рҿы иазгәеиҭеит, уи «Римтәи астиль» ацәырҵра Рафаель «идеалтә типқәа» раԥҵара иадҳәалоуп ҳәа азгәаҭаны, Рафаель иклассицистикатә стиль «аманера ду» шьаҭас иамоуп ҳәа аликааит. Дворжак ари иуникалтәу астиль аҷыдара хадақәа иреиуоуп ҳәа иазгәеиҭеит «игармониатәу аидеал», иара убас « асахьаркыратә релиативизм»<ref> Дворжак М. История итальянского искусства в эпоху Возрождения. Курс лекций. В 2-х т. — Т. 2. XVI столетие. — М.: Искусство, 1978. — С. 49, 50 </ref>. [[Гращенков, Виктор Николаевич|В. Н. Грашьенков]]гьы ари ахшыҩҵак дадгылон, инаҵшьны иазгәаҭо, асахьаҭыхҩы ирҿиара хықәкыла римтәи апериод аан ауп «Рафаель аклассик иҭыԥ Рафаель аклассицист ианааникылаз» ҳәа<ref> Гращенков В. Н. Рафаэль. — М.: Искусство, 1971. — С. 172 </ref>. Рафаель иаԥҵамҭақәа рҿы, Перуџьинои Брамантеи рныррала, архитектуратә ргыларақәа ҭихуан — ацентртә хыбрақәа, акупол змоу аротондақәа, агьежьбжа змоу ахыбрагьагьақәа. Аҟазаратә стиль ҿыц шьаҭас иамаз «анатура аҭҵаара», ма «ажәытәӡауаа рыҿыԥшра» акәӡамызт,уаанӡа ишазгәарҭоз еиԥш, урҭ рыҩбагьы еицҵаны, аԥсабара иагу ашьахәрақәа абстракттә идеалк аҿаргыланы иаадырԥшуа иалагеит<ref> [[Власов, Виктор Георгиевич|Власов В. Г.]] Римский классицизм // Новый энциклопедический словарь изобразительного искусства. В 10 т. — СПб.: Азбука-Классика. — Т. VIII, 2008. — С. 175 </ref>. М. Дворжак иажәақәа рыла, асахьатә формақәа рестетикатә ҟазшьақәа Рафаель «аҵаки аԥсабара гәык ала азыҟазаареи иреиҳаны » иргылеит. Аестетика ҿыц шьаҭас иаман, акы, bellezza (аԥшӡара), ҩба, maniera grande (аманера ду), уи иаанаго {{Ацитата алагара}}“Аформақәа еиҳа идуны рааԥшра ада, ахәыцшьа ҳаракгьы: иаарԥшу аперсонажқәа иреиҳау абзазашьа ныҟәызго ракәны иҟазар ауп. Убри ауп изыбзоуроу дара рыртәашьа ԥагьагьы, зны-зынла атеатралра зныԥшуа, аха аҩныҵҟатәи ахақәиҭра знубаало, еилыххха иҟоу рнапҟьашьақәа. Аҭагылазаашьақәа атеатралтә ҟазшьа рымоуп, ахаҿсахьа иалоу аҳаҭырқәҵаратә доуҳа инақәыршәаны... аҩныҵҟатәи ахақәиҭреи аҳаҭырқәҵареи рыла иҭәуп... Ари астиль, иҟалап, зегь рыла ажәытәӡатәи атрадициа иахылҵыз акәзар, аха уеизгьы уи зынӡа иеиԥшым акы аанарԥшуан<ref> [[Дворжак, Макс|Дворжак М]]. История итальянского искусства в эпоху Возрождения. Курс лекций. В 2-х т. — Т. 2. XVI столетие. — М.: Искусство, 1978. — С. 49 </ref>{{Ацитата алгара}}. Рафаель иестетикатә кредо инагӡаны, еилыкка иааԥшуеит аграф [[Кастильоне, Бальдассаре|Бальдассар Кастильоне]] иахь ииҩыз еицырдыруа асалам шәҟәаҿы,[[Рим]]тәи [[Вилла Фарнезина]] аҟны аҟаза “[[Триумф Галатеи|Галатеа лтриумф]]” ҳәа изышьҭоу аҭыӡсахьа аус ахьадиулоз инамаданы.(1511ш) Аграф Рафаель иусумҭа гәахәара дула идикылеит, Галатеа лҭыхразы иҟаз амодель дазусҭадаз ҳәа диазҵааит, «аӡгьы» ҳәа ҭакс ианиоу даара иџьеишьеит. Рафаель 1514 шықәсазы Кастильоне аҭак изиҩит: {{Ацитата алагара}}«Галатеиа лтәы ҳҳәозар, сара схы ҟаза дууп ҳәа исыԥхьаӡарын, Шәара Ҳаҭыр зқәу исзышәыҩуа арҽхәаԥхьыӡ дуқәа рыбжак иадамзаргьы аҭыхымҭа ианыԥшуазҭгьы... Иара убасгьы ишәасҳәоит, аԥхәызба ԥшӡа лсахьа ҭысхырц азы, аԥшӡақәа рацәаҩны избар ауп, амала Шәара Ҳаҭыр зқәу уа шәыҟаны, уи лалхраҿы шәсыцхааруазар; Аха аӡбаҩ бзиақәеи аҳәса ԥшӡақәеи ахьмаҷу инамаданы, схаҿы иааиуа аидеиа ауп схы иасырхәо»<ref> Мастера искусства об искусстве. — В 7 т. — М.: Искусство, 1966. — Т. 2. — С. 156—157. Перевод А. И. Аристовой</ref>{{Ацитата алгара}}. Аха, Дворжак ишазгәеиҭаз ала, ас еиԥш иҟоу абстракттә идеалисттә цәырҵра иаарласны акризис ахылҿиааит. Аха XVI-тәи ашәышықәса алагамҭазы ари акризис макьана ирныруамызт. Апапа [[Юлий II|Иули II]] идҵала, насгьы Ватикан архитектор хада [[Донато Браманте]] иҟаиҵаз ажәалагалала, Рафаель адҵа иоуит Ватикантәи ауадақәа рҭыӡқәа асахьақәа рныиҵарц азы. {{Main|Рафаель истанцақәа}} “Рафаель истанцқәа” (италиа бызшәаҟынтә: Le Stanze di Raffaello, италиа Stanzа- ауада: [[Ватикан]] [[Апостольский дворец|Апапа ихан]] ахԥатәи аихагылаҿы иҟоу ԥшь-уадак рыла ишьақәгылоу [[анфилада]]. Анфилада идуқәам х-залк аҵанакуеит, иара убас еиҳа еиҳау еиҭа даҽакгьы, «Константин изал» ҳәа изышьҭоу. Раԥхьа « Астанца делла Сениатура» аҭӡамцқәа ҭыхын,( анапынҵамҭақәа ма аусԥҟақәа руада) Ари ауада иалкаау аҵак ду арҭон. Рафаель ԥшьы-хкыкны иҟоу ауаҩы интеллектуалтә усура аазырԥшуа акомпозициақәа аԥиҵит: адиндырра, аиуриспруденциа, апоезиа, афилософиа- « [[Диспута]]», (1508-1509), « Аҟәыӷара. Ахмырҟьацәареи Амчи»(1511), иара убас зегь иреиӷьӡақәоу «[[Парнас (фреска)|Парнас]]»(1509-1510), « [[Афинская школа|Афинатәи ашкол]]»(1510-1511). Аҭыӡсахьақәа зегьы иреиӷьу, ауадақәа рҿы зегь раасҭа еицырдыруа усумҭоуп ҳәа иԥхьаӡоуп « Афинатәи ашкол», -Аиҭарҿиара аамҭази, [[ренессанс|аренессанстә]] ҟазареи, Рафаель ирҿиамҭақәеи иреиӷьу аԥҵамҭа. Ахьӡ "Афинатәи ашкол" [[Беллори, Джованни Пьетро|Џьованни Пиетро Беллори]] иӡбеит 1672 ш. азы (Le vite de' pittori, scultori et architetti moderni). Аҭыӡсахьа ауада хәыҷы аҭӡамц зегьы ааннакылоит (8 х 10 м). Ашьаҭаҿы афреска аҭбаара: 7,7 м.ыҟоуп Рафаель иусумҭақәа ахаҭәаау «аидеалтә стиль» аҿырԥшы адырԥшуеит, уи иналукааша архитектор, «римнтәи аклассицизм» аԥҵаҩы [[Донато Браманте]] инырра ацхыраарала иҿиеит. Вазари излаиҳәо ала, Браманте иоуп аҭыӡсахьа архитектуратә фон авторс иамоу: ахыргьагьа агьежьбжа, Аполлони Минервеи рбаҟақәа рганқәа. Иџьашьахәу, иҳаракӡоу архитектура афон аҿы иубоит еиуеиԥшым агәыԥқәа рыла Рафаель еидикылаз ажәытәтәи афилософцәа. Афигурақәа апортреҭтә ҟазшьақәа рыҭан, насгьы Аиҭарҿиара аамҭазы инхоз ауаҩы урҭ аперсонажқәа ихааназтәи ауаа рхы-рҿқәа рнибаалон. Убас, [[Платон]] ихаҿсахьаҿы Леонардо да Винчи даарԥшуп, Микеланџьело (аҵыхәтәантәи акомпозициа далагалоуп) инкахәыцуа итәо [[Гераклит]] иакәны даарԥшуп, ациркуль зку [[Евклид]] Браманте исахьа имоуп, арыӷьарахьтәи аганаҿ игылоу [[Птолемей|Птолемеи]] даара Рафаель ихаҭа диеиԥшуп. Аахәаҩи аҟазеи ишырхәыцыз ала, ақьырсиантә [[неоплатонизм]] аидеиақәа инарықәршәаны, ас иҟоу аиԥшзаара ажәытәӡатәи афилософиеи [[теология|атеологиа]] ҿыци реизааигәара асимволра анаҭоит. Урыстәылатәи асахьаҭыхҩы [[Брюллов, Карл Павлович|К.П.Бриуллов]] 1824-1828 шықәсқәа рзы Санкт-Петербургтәи [[Императорская Академия художеств|Аҟазаратә Академиа]] акопиақәа рзал азы, Рафаель иҭыхымҭа «Афинатәи ашкол» акопиа, Италиа ахәшашәыгала ақәатәаҿы иҭихит. Аҭыӡсахьа «[[Диспута]]» (италиан бызшәала: La disputa del sacramento — Иԥшьоу ақьабз иазку аимак) -ақьырсиантә қьабз амаӡақәа ирызку аицәажәара акәӡам, уи ауахәама аҳаракра ауп изызку. Апапа [[Юлий II|Иули II]] иаԥшьигаз аиконографиатә программаҿы аҭыӡсахьа «Диспута» ихадоу акәны иҟоуп. Аҭыӡсахьаҿы иаарԥшу ахҭысқәа мҩаԥысуеит адгьыли ажәҩани рҿы. Ахыргьагьа дуӡӡа, иархитектуратәу ижәҩантәу, ҩ-дунеик еиднакылоит: адгьыли ажәҩани. Амардуанҿаԥса ҭбаақәа аныҳәарҭахь унаргоит. Рафаель икомпозициа «[[Парнас (фреска)|Парнас]]» («Апоезиа»; ахьӡ «Парнас» цәырҵит XIX-тәи ашәышықәсазы) Рафаель, «Диспутеи» «Афинатәи ашколи» рыбжьара ауада мраҭашәаратәи аган аҿы аҭыԥ ылихит. Апоезиа аллегориа аҟаза иаамҭазы иҟаз агуманитартә ҵара ишаҳәоз ала иааирԥшит, [[Франческо Петрарка|Ф.Петрарке]]и, [[Джованни Боккаччо|Г.Боккаччо]]и, [[Салютати, Колюччо|К.Салутати]]и ридеиақәа инарықәршәаны. «Парнас» аҟны [[Аполлон]] жәаҩык [[Музы|амузақәа]] дрыцны даарԥшуп, еицырдыруа жәааҩык ажәытәӡатәи абырзентә, римтәи, италиатәи апоетцәа дрыгәҭылакны. Абырзен, алаҭын, италиатәи аперсонажқәа реилаӡҩара апоезиа иарҭоз аренессанстә ҵакы иалкаау атеологиа ицәырнаго агәацԥыҳәара иақәшәоит<ref> [[Власов, Виктор Георгиевич|Власов В. Г.]]. «Парнас» // Власов В. Г. Новый энциклопедический словарь изобразительного искусства. В 10 т. — СПб.: Азбука-Классика. — Т. VII, 2007. — С. 181 </ref>. Вазари ари акомпозициа иазкны инарҭбааны иҩуеит, аха хыхь-хыхьла: «Убас, Бельведер иаҿаԥшуа аҭӡамц аҿы Парнаси Геликонтәи аӡыхьи ахьыҟоу, ашьха ақәцәани анаарақәеи рҿы адаԥа ҵлақәа рбаҳча ҭихит, урҭ рыбӷьы иаҵәақәа аԥша ҟәымшәышә ишарҵысуа уныруеит,аҳауаҿы - ҵыхәаԥҵәара змам хыԥхьаӡара рацәала зцәа-зжьы хту акупидонқәа, рхы-рҿы ԥшӡақәа аартны, адаԥа амахәҭақәа хырҵәоит, авенокқәа ҟарҵоит, урҭ ахәада зегьы аҟны ирыԥсаҟьоит, ара иҟоу зегьы ииашаҵәҟьаны анцәа иԥсы рхоуп - афигурақәа рыԥшӡарагьы, аҿыханҵа ахазынарагьы. Урҭ ирыхәаԥшуа иџьеимшьар залшом, ауаҩытәыҩсатә гени, ашәыгақәа шыхазынамгьы, асахьа ашьахәра иабзоураны аҭыхымҭа аԥсы ахоушәа аҟаҵара злаилшаз<ref name="Вазари"/>. Аԥхын, 1511ш шықәсазы апапцәа раудиенциазы Рафаель напы аиркит Станца д-Елиодоро аҭыӡсахьақәа рескизқәа (аҭыӡсахьақәа руак ахьӡ ахҵан) Аҭыӡсахьақәа рпрограммаҿы иаарԥшуп, ауахәама аҭоурых иалкаау амоментқәа рзы Анцәа иаиҭоу ахьчара аидеиа, хықәкылатәи асиужетқәа адгьыл аҿы имҩаԥысуа ахҭысқәа Анцәа имч џьашьахә аҽшаланагалоу иазкуп. Ԥшь-композициак иаадыԥшуеит: «Илиодор аныхабаа аҟынтә иқәцара» (1511ш–1512), «Болсенатәи амесса» (1512), «Аԥшьа Пиотр аҳаԥсы аҟынтә ихы иақәиҭтәра » (1513–1514), «Лев Дуи Аттилеи реиԥылара» (1514). Акомпозициа “[[Изгнание Илиодора|Илиодор аныхабаа аҟынтәи иқәцара]]” (италиан бызшәала: Cacciata di Eliodoro dal Tempio) аҭыӡсахьа “Афинатәи ашкол” угәаланаршәоит, аха Рафаель индивидуалтә стиль аеволиуциа аазырԥшуа аекспрессиеи адинамикеи рыла иалкаауп. «[[Месса в Больсене|Больсенатәи амесса]]» (италиан бызшәала: Messa di Bolsena),ақьырсиантә традициа инақәыршәаны, 1263 шықәсазы Рим аҩадахьы иҟоу ақалақь хәыҷы Больсена имҩаԥысыз ахҭыс џьашьахәы ауп. Амесса мҩаԥызгоз апап қәыԥш Евхаристи иԥшьоу амаӡа агәра игомызт — ачеи аҩи Қьырса ицәеижьи ишьеи реиԥш ишыԥшьоу агәыҩбара изцәырнагон. Аныҳәа аан агостиа анышьҭырх [[антиминс]] аҿы хә-ҭыԥк рыҟны ашьа ааит. Абри асиужет иадҳәалоуп аҭыӡсахьа “[[Диспута]]” Станца делла Сениатура аҟны. Акомпозициа «Больсенатәи амесса» аҿы Рафаель Апапа Иули II аныҳәарҭаҿы «Больсенатәи аџьашьахәы» шаҳаҭс дшаиоуз ааирԥшуеит. Аҭыӡсахьа «[[Освобождение Святого Петра из темницы (фреска Рафаэля)|Аԥшьа Пиотр аҳаԥсы аҟынтәи ихы иақәиҭтәра]]» (италиан бызшәала: La Liberazione di San Pietro dal Carcere) (1513-1514) ҟазара дула иҭыхуп. Аиудеиаа раҳ Ирод Агриппа идҵала Апостол Пиотр аҳаԥсы дҭакын. Аусӡбара ҟалараны ианыҟаз ауха, Анцәа илашара дагәҭылакны Амаалықь даацәырҵит, Пиотр дирҿыхеит, ишьамҭлаҳәқәа ихыхны, ицәаз асолдаҭцәа дрывганы аҳаԥсы дҭигеит. Ари акомпозициаҿы Рафаель усҟантәи ашықәсқәа рзы даара имаҷны рхы иадырхәоз аметод ихы иарихәеит: еишьҭаргыланы еидҳәалоу х-епизодк еидикылеит. Агәҭаны амаалықь ицәоу Анцәа ицҳаражәҳәаҩ инапы ихьысуеит. Арымарахь ала, ахьчаҩцәа ирбаз иԥсабаратәым алашара иаршәаҟьан иҩны ицоит. Акомпозициа арӷьарахьтәи аган аҟны амаалықь — Аиҭарҿиара аамҭазтәи аҟазараҿы зегь раасҭа иԥшӡоу афигәрақәа руаӡәк — Пиотр аҳаԥсы дҭигоит. Акомпозициа “[[Пожар в Борго|Борго иҟалаз абылра]] ” (италиан бызшәала: Incendio di Borgo) (1514) аҟны, ари ауадаҿы иаԥҵоу аҭыӡсахьақәа рҟынтәи “Борго абылра астанца” аҿы Рафаель инапы еиҳа иуныруеит, аха Микеланџьело ду иҟынтәи иаагоу амотивқәагьы убоит. Алегенда изларҳәо ала, 847-тәи ашықәсазы Борго (Римтәи апапа ихан иазааигәоу аҭыԥ) абылра ҟалеит, уи еиҳа-еиҳа аҽарӷәӷәон Папа Леон IV Ватикантәи ихан абарҵаҿы дцәырҵны амца ааникылаанӡа. Ари акомпозициаҿы иубарҭоуп ихазынан иҭыху афигәрақәа рацәаны. Арӷьарахь, зныкымкәа асахьаҭыхҩцәа аӡәырҩы иҭырххьаз, аӡы зҭоу аԥҳал зку аԥҳәыс лфигура, агәҭаны - аԥҳәыс лнапқәа шьҭыхны, иара убас аҭӡы ахалара зҽазызшәо арԥыс. Армарахь ала Енеи, амца зку аҩны аҟынтә иаб абырг Анхис иҟәаҟәа дықәҵаны далигоит. Ари ахаҿсахьақәа ргәыԥ иунарбоит асиужет Вергили ипоема "Енеида" аҟынтә ишааагоу, Троиа иҟалаз абылра атәы ахьааирԥшуа. Акыраамҭа иныҟәарақәа рышьҭахь Енеи Италиа иҳәынҭқарра шьақәиргылеит. Убри аҟнытә иара Рим ашьаҭаркҩцәа дыруаӡәкны дыԥхьаӡоуп. “Борго абылра астанца ” — аҵыхәтәантәи уадоуп, Рафаель иҭыӡсахьақәа ахьубарҭоу. Анаҩс аҭыӡсахьақәа рыҟаҵара ицхырааҩцәа ирыдҵан: Џьулио Романо, Џьован Франческо Пенни, Џьованни да Удине уҳәа убас иҵегьы. Уи аамҭазы Рафаель апапа акрызҵазкуа егьырҭ идҵақәа инапы рылакын: Сикстинтәи акапелла аҭӡамцхҟьақәа рзы акартонқәа рыҟаҵара, насгьы Аԥшьа Пиотр ибазилика аргылара хылаԥшра аиҭон, уи аҭыԥ 1514 шықәсазы Браманте иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь иоуит. Аԥшьбатәи ауада- « Константин изал»-Рафаель иҵаҩцәа роуп аҭыӡсахьақәа анызҵаз. [[Афаил:Pope Julius II.jpg|thumb|left|Апапа Иули II ипортреҭ. 1511ш. Амҿы, ахәшашәыга. Амилаҭтә галереиа, Лондон]] '''Аҭӡамцхҟьақәа рсериа " Иԥшьоу ацҳаражәҳәаҩцәа русқәа"" 1514 шықәса анҵәамҭазы, Апапа [[Лев X|Леон X]], ихьӡ Ватикантәи [[Сикстинская капелла|Сикстинтәи акапелла]] иадиҳәаларц иӡбеит,уи азы аҭӡамцхҟьақәа рзы акартонқәа<ref> Так называли в Италии тканые ковры по главному центру производства шпалер в XV веке во французском городе Аррас </ref> азаказ ҟаиҵеит [[Деяния святых апостолов|Иԥшьоу ацҳаражәҳәаҩцәа русқәа]] » рышәҟәы асиужетқәа рыла, акапелла арԥшӡаразы. Жәа ҭӡамцхҟьак рыла ( ганцыԥхьаӡа хәба-хәба) акапелла аганахьтәи аҭыӡқәа ҵаҟатәи рыхәҭа ырԥшӡатәын. Урҭ рсиужетқәа Аевангелиеи иԥшьоу ацҳаражәҳәаҩцәа рышәҟәи рҟынтәи иааган, Аԥшьацәа Пиотри Павели рҭоурых аҟынтәи, иара убас апрограмма инақәыршәаны Қьырсеи Моисеи рҭоурыхқәа еиҭазҳәоз, флоренциатәии умбриатәии асахьаҭыхҩцәа 1481-1483 шш.рзы Сикстинтәи акапеллаҿы иҭырхыз аҭыӡсахьақәа иреиԥшын. Апапа игәҭакы инақәыршәаны, аҭӡамцхҟьақәа еидыркылар акәын Ацҳаражәҳәацәа рҭоурыхи адунеи аԥҵара инаркны Анцәа ауаа ирзынижьыз раԥхьатәи ауасиаҭ аҟынӡа (Моисеи изакәан аҩыраӷәы) аҭоурыхи, иара убас [[Микеланџьело|Микеланџьело]] акапелла аплафон аҿы иҭихыз (1508-1512), Иаса Қьырса ацҳаражәҳәаҩ Пиотр « ацаԥхақәа иҭара», насгьы апапцәа рҭоурыхи еиднакылар акәын. Аныҳәатә хҭысқәа анымҩаԥысуаз акапеллаҿы аҭӡамцӡхҟьақәа кнарҳауан. Уажәы урҭ хазы азалаҿы ицәыргақәҵоуп Рафаель еиҳа ихьшәаны иаԥиҵаз асахьақәа инарыцны: [[Мадонна ди Фолиньо]] (1511-1512), «Мариа агәыргьын лхаҵара» (1502-1504) иара убас «Аҽеиҭакра» (1519-1520) [[Ватиканская пинакотека|Ватикантәи Пинакотека]]ҿы, (еиҭныԥсахло, еснагь жәаҩык рҟынтә бжьба). Акапелла ахаҭа аҿы, урҭ рҭыԥан, аҭыӡсахьа атехника ахархәарала «аԥардақәа» иреиԥшны иҭыхуп. Ари асериа иаҵанакуеит абарҭ асиужетқәа: «Листра имҩаԥгаз аԥсаҭара» (Sacrificio di Listra), «Ацыркь ихәшәтәра» (Guarigione dello storpio), «Саул идинхаҵара аиҭакра» (Conversione di Saulo), «Елима лылашәхара» (Punizione di Elima), «Ацаԥхақәа рыҭара», « Иԥшьоу Стефан ахаҳәқәа игәыдҵара» (Lapidazione di santo Stefano), «Павел Афины иҟаиҵаз абжьагажәа» (Predica di san Paolo), «Иԥшьоу Павел аҳаԥсаҿы» (San Paolo in carcere), «Ананиа иԥсра» (Morte di Anania), «Иџьашьахәу аԥсыӡкра» (Pesca miracolosa). Ари аус аҿы аҟаза ицхраауан иҵаҩцәа [[Романо, Джулио|Џьулио Романо]]и [[Пенни, Джанфранческо|Џьованни Франческо Пенни]]и, аха асахьаҭыхымҭақәа зегьы Рафаель ихаҭа иаԥиҵеит<ref> Pierluigi De Vecchi. Raffaello. — Milano: Rizzoli, 1975. — Р. 113 </ref>. Аҭӡамцхҟьақәа ҟаҵан 1517-1519 шықәсқәа рзы [[Брюссель|Бриуссель]] ақалақь аҟны, [[Кук ван Альст, Питер|Питер Кук ван Альст]] имануфактураҿы аҿы [[Орлей, Бернарт|Бернарт ван Орлеи]] далархәны. Раԥхьаӡа 5 м аҩаӡара змаз 7 уарҳалк ҟарҵеит, урҭ роура еизакны 42 м ыҟан<ref> Большая иллюстрированная энциклопедия древностей. — Прага: Артия, 1980. — С. 62 </ref>. Аҭӡамцхҟьақәа рзы абордиурқәа ҟаҵан фламандиатәи [[барокко|абарокко]] астиль ала, [[Ван Дейк, Антонис|Антонис Ван Деик]] иҭыхымҭақәа инарықәыршәаны. Асра знапы алакыз аҳ Иаков I иааиԥхьахьаз афламаниадтәи аҟазацәагьы ракәын<ref> [[Власов, Виктор Георгиевич|Власов В. Г.]]. «Деяния апостолов» // Власов В. Г. Новый энциклопедический словарь изобразительного искусства. В 10 т. — СПб.: Азбука-Классика. — Т. III, 2005. — С. 419 </ref>. Аҭӡамцхҟьақәа ирну афигурақәа рҿы иубарҭоуп Микеланџьело «истиль ҳарак» анырра, иара убас, [[Станцы Рафаэля|Ватикантәи астанца]]ҿы Рафаель иҟаиҵаз «Борго иҟалаз абылра» ҳәа изышьҭоу аҭыӡсахьаҿгьы. Асериа ақәҿиара ду аиуит, иара акырынтә еиҭаҭырхит, Франциа [[Мануфактура Гобеленов|Гобеленаа]]и [[Мануфактура Бове|Бове]]и рмануфактурақәа рҿгьы. Акардинал Ерколе Гонзага 1548 шықәсазы Бриуссельтәи асыҩцәа ари асериа иақәҭырхырц дҵаны ириҭеит. 1563 шықәсазы, иара даныԥсы ашьҭахь, аҭӡамцхҟьақәа Мантуатәи агерцог [[Гульельмо I Гонзага|Гулельмо I Гонзага]] изынижьит. Уажәы урҭ Венециа адожқәа раҳҭынра аҟны «Агобеленқәа руадаҿы» иҟоуп<ref> Pierluigi De Vecchi. La Cappella Sistina. — Milano: Rizzoli, 1999. ISBN 88-17-25003-1 </ref>. Аҭӡамцхҟьақәа рзы акартонқәа 1623ш азы иааихәеит шьҭралатәи апринц, Англиа иаҳхараны иҟаз Чарльз I. Аҳ данԥсы ашьҭахь, аҳҭынратә мазара аҭираҿы, акартонқәа Кромвел иаахәеит, урҭ Уаитхолл абанкеттә зал аҿы акәалаԥқәа ирҭаҵәахын. Амонархиа аиҭашьақәыргылара ашьҭахь, аҳ иҭаацәара раҳратәрахьы ихынҳәит. Аграфство Сиурреи иҟаз Мортлеик амануфактураҿы еиуеиԥшым асериа ҿыцқәа раԥҵаразы акартонқәа рхы иадырхәеит. Анаҩс урҭ [[Хэмптон-Корт|Ҳемптон-Корт]] аҳҭынраҿы иҟаз иҷыдоу агалереиа иҩанрҵеит, уаҟа урҭ 1813 шықәсанӡа иҟан. Анаҩс дара [[Букингемский дворец|Букингемтәи аҳҭынра]]ҿы иҵәахын. 1865 ш инаркны еиқәхаз акартонқәа быжьба [[Лондон]], [[Музей Виктории и Альберта|Викториеи Альберти рыхьӡ зху амузеи]] ахь ииаргеит. "Рафаель илоџьиа" [[Афаил:President Trump's Trip Abroad (34079021263).jpg|thumb|220px|left|Ватикан иҟоу Ацҳаражәҳәаҩцәа рхан аҿы "Рафаель илоџьиақәа". 1508-1519 шықәсазы. Архитектор Д. Браманте ипроект. Рафаель Санти иҵаҩцәа рсахьақәа]] 1508 шықәсазы Апапа Иули II архитектор Донато Браманте дҵас ииҭеит [[Апостольский дворец|Апапа ихан]] хыхьтәи аихагылаҿы [[Лоджия|алоџьиа]] еиԥшу агалереиа иргыларц, уантәи Наӡаӡатәи ақалақь уахәаԥшлартә еиԥш. Архитектор аусура далагеит, аха 1514 шықәсазы дыԥсит, аргыларақәа ирыциҵеит Рафаель Санти. «Рафаель илоџьақәа» аамҭа анца дара ус рыхьӡырҵеит, архитектура аҭоурых аҿы XVI-тәи ашәышықәса алагамҭазы иҟаз «римтәи аклассицизм» аҟазара аканонтә ҿырԥштәны иҟалеит. Еиԥшыз жәаха секциа еиҟараны иахьеизшаз, ахаргьагьақәа, апилисатрқәа иаку аритм змоу, еиҿкаау ракәны иааԥшуеит. Аҭӡамцқәа, ахыгьагьақәа, апиластрқәа1517-1519 шш.рзы рсахьа ҭырхуан Рафаель иҵаҩцәа: [[Перино дель Вага]], [[Джулио Романо|Џьулио Романо]], [[Джованни да Удине|Џьованни да Удине]], [[Пенни, Джанфранческо|Франческо Пенни]], [[Рафаэллино дель Колле|Рафаеллино дель Колле]]. Ахагьагьақәа рыҟәшақәа зегьы рҿы Рафаель Ауасиаҭ Ҿыц атемала асиужеттә композициақәа ԥшьба ҭихит. Егьырҭ (ҩажәи жәаа Ажәытәтәи Ауасиаҭ атемала) иаанхаз аҭыԥ [[Гротеск (орнамент)|агротесктә]] [[орнамент|рԥшӡагақәа]] рыла иҵаҩцәа ихадырҭәааит. 1783 ш инаркны 1792 шықәсанӡа [[Санкт-Петербург]] аимператрица [[Екатерина II|Екатерина аҩбатәи]] лзаказала, [[Большой Эрмитаж|Аермитаж Ду]] ахыбраҿы архитектор [[Кваренги, Джакомо|Џьакомо Кваренги]] Рафаель [[Фреска|иҭыӡсахьақәа]] ркопиақәа рыла агалереи аԥиҵеит, Ватикантәи апапа иаҳҭынра ахыбрагьы аазырԥшуа. Уаанӡа гәыԥҩык асахьаҭыхҩцәа (. [[Хаккерт, Якоб Филипп|И. Ф. Хаккерт]], Д. В. Анджелони, [[Петер, Уильям|У. Петер]] уҳәа) 1778 шықәсазы Рим Рафаельи иҵаҩцәеи рҭыӡсахьақәа ркопиа аҟаҵара иалагеит. Аусурақәа напхгара рырҭон [[Унтербергер, Христофор|Х. Унтербергер]]ти [[Раффенштайн, Иоганн Фридрих|И. Ф. Раффенштайн]]и. Акопиақәа ақәатәақәа рҿы иҟаҵан, анаҩс урҭ еикәарҳәны Санкт-Петербургҟа иааргеит. [[Новый Эрмитаж|Аермитаж Ҿыц]] ахыбра андыргылоз, алоџьиақәа 1778-1787 шш рзы еиқәырханы иҟан, урҭ мраҭашәаратәи агалереиа аҩбатәи аихагылаҿы иҟан. 1515 шықәсазы [[Северное Возрождение|Аҩадатәи Аиҭарҿиара]] аамҭазы иналукааша аҟаза [[Дюрер, Альбрехт|Альбрехт Диурер]] Римҟа дааит. Уи Ватикантәи астанцақәа гәеиҭон. Рафаель исахьаҭыхымҭа ииҭеит, уи аҭакс анемец сахьаҭыхҩы Рафаель изааишьҭит ихатәы портреҭ, амала иара анаҩстәи аԥеиԥш еилкаам. === Римтәи аамҭазы иҟаз аныҳәарҭақәеи «Мадоннақәеи» === [[Афаил:Transfiguration Raphael.jpg|мини|[[Преображение (Рафаэль)|Аҽеиҭакра]]. 1516-1520 шықәсазы. Амҿы, атемпера. Пинакотека, Ватикан]] Ватикан аусутә рацәаны ишимазгьы, Рафаель аныҳәарҭақәа рсахьақәа рҭыхразы ауахәамақәа рҟынтә азаказқәа наигӡон,: «Аԥшьа Цецилиа» (1514-1515), «Аџьар аныҟәгара» (1516-1517), «[[Иезекииль (пророк)|Иезекииль]] илаԥшҵашәара» (1518 шықәса инарзынаԥшуа). Рафаель жәа сахьак инарзынаԥшуа «Амадоннақәа» Рим иҭихит. Арҭ аԥҵамҭа ҳаракқәоуп ҳәа иԥхьаӡоуп, ркомпозициа еилыкка иҟоуп: «[[Мадонна Альба]]» (1510), « [[Мадонна с рыбой|Аԥсыӡ зку Мадонна]]»,( 1512-1514), « [[Мадонна в кресле|Акресло иқәтәоу Мадонна]]», ( 1513-1514) инарзынаԥшуа. {{Main|Аҽеиҭакра (Рафаель)}} Аҟаза аҵыхәтәантәи [[шедевр|иусумҭа дуӡӡа]] "[[Преображение (Рафаэль)|Аҽеиҭакра]]" (1516-1520) ауп, уи асахьаҿы аҷыдара ҿыцқәа убарҭоуп. Хыхьтәи ахәҭаҿы Рафаель, [[Аевангелие|Аевангелие]] инақәыршәаны, Фавор ашьхаҿы ацҳаражәҳәаҩцәа [[Апостол Пётр|Пиотр]]и, [[Иаков Зеведеев|Иаков]]и, [[Иоанн Богослов|Иоанн]]и рҿаԥхьа Қьырса иҽеиҭакра џьашьахәы ааирԥшуеит. Ацҳаражәҳәаҩцәеи аџьныши ахьаарԥшу асахьа ҵаҟатәи ахәҭа,Рафаель иескизқәа рыла Џьулио Романо иҭихит. Мшаԥымза 6, 1520 шықәсазы Рафаель иԥсҭазаара даналҵ, мышқәак, [[Борго (район)|Борго]] иҩны аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагара рҽаназыҟарҵоз, ихыркәшамыз асахьаҭыхымҭа «Аҽеиҭакра» аԥсы ихаҿы игылан<ref>{{Cite web |url=http://www.nerone.cc/nerone/archivio/arch89.htm |title=Nerone Tours of Italy {{!}} Tours of Rome Florence Venice Naples Pompeii<!-- Заголовок добавлен ботом --> |access-date=2016-10-14 |archive-url=https://web.archive.org/web/20101126154319/http://nerone.cc/nerone/archivio/arch89.htm |archive-date=2010-11-26 |url-status=dead }}</ref>. Рафаель данԥсы ашьҭахь мчыбжьык анҵы, Ватикан асахьаҭыхымҭа « Лазарь Иԥсаҭалара» азааигәара «Аҽеиҭакра» кнарҳаит. [[Афаил:RAFAEL - Madonna Sixtina (Gemäldegalerie Alter Meister, Dresde, 1513-14. Óleo sobre lienzo, 265 x 196 cm).jpg|мини|слева|Сикстинтәи Мадонна. 1512-1513 шықәсазы. Ақәатәа, ахәшашәыга.. Ажәытәтәи аҟазацәа ргалереиа, Дрезден]] {{Main| Сикстинтәи Мадонна}} Рафаель иаԥҵамҭақәа зегь раасҭа иссиру ауп еицырдыруа "[[Сикстинская мадонна|Сикстинтәи Мадонна]]" (1512-1513), уи [[Дрезден]]тәи [[Галерея старых мастеров|Ажәытәтәи аҟазацәа ргалереиа]]ҿы 1754ш. инаркны иҟоуп. Шәагаала идуӡӡоу асахьаҭыхымҭа Рафаель иаԥиҵеит [[Пьяченца|Пиаченце]] иҟоу, [[Сикст II|иԥшьоу Сикст аҩбатәи]] иуахәама аныҳәарҭазы. Азаказ ҟазҵаз делла Ровере аҭаацәара ирылиааз, [[Папство|апапа]] [[Юлий II|Иули аҩбатәи]] иоуп. ( Иԥшьоу Сикст делла Ровере рҭаацәара дырхылаԥшуан ҳәа ԥхьаӡан) Асахьа акомпозициа иаанарԥшуеит аҟаза хаҭалатәи ихәыцшьа аеволиуциа. «Заатәи Мадоннақәа» рҿы Рафаель Умбриатәи апеизаж афон аҟны аӡӷабцәа ԥшӡақәа рсахьа ҭихуан. Асахьа [[Мадонна Грандука]] аҿы, иара апеизажтә фон инеитралтәу еиқәаҵәоу, зынӡа еиқәаҵәоу уҳәаргьы ауеит ала иԥсахит,аӡҟы дыкны иналымариашаны игылоу Мариа, Рафаель хагәҵәылатәи аформат дҭаикит. Анаҩс Рафаель абжьаратәи ашәышықәсақәа рзы иҟаз аиератикатә композициақәа рахь дхынҳәызшәа ҟаиҵеит, ахәҭакахьала, [[Одигитрия|Одигитриа]] византиатәи ахкы ахь<ref> [[Власов, Виктор Георгиевич|Власов В. Г.]] Сикстинская Мадонна // Новый энциклопедический словарь изобразительного искусства. В 10 т. — СПб.: Азбука-Классика. — Т. VIII, 2008. — С. 759—760 </ref>. Асахьа акомпозициа традициала [[Святое Собеседование|Иԥшьоу Аицәажәарақәа]] [[Иконография|рныхаҩыра]] иадырҳәалоит, избан акәзар аӡҟы дызку Мадонна илымҵахырхәо аԥшьацәа дрыгәҭылакны даарԥшуп. Уи еиԥшу акомпозициа змоу Рафаель егьи исахьагьы, “Мадонна ди Фолинио” (1511-1512), официалла “Sacra Conversazione” ҳәа иашьҭоуп, насгьы уи “Сикстинтәи Мадонна” шьаҭас иаиуит ҳәа иԥхьаӡоуп, уигьы “аицәажәарақәа” ртрадициа иаҵанакуеит<ref> Pierluigi De Vecchi. Raffaello. — Milano: Rizzoli Editore, 1975. — Р. 108—109 (№ 97, 105) </ref>. XVIII-тәи ашәышықәсазы, алегенда рылаҵәеит (аҭоурыхтә документқәа рыла ишьақәырӷәӷәам) Мадонна лзы модельс дҟалеит Рафаель бзиа иибоз, жәибжь шықәса зхыҵуаз ачаӡҩы иԥҳа Маргарита Лути ҳәа. Рафаель уи [[Форнарина]] лыхьӡиҵеит (италиантәи fornaro - ачаӡҩы). [[Сикст II|Аԥшьа Сикст]] ипрототип иакәын Апапа Иули ([[Сикст IV]] иашьа иԥа), [[Варвара Илиопольская|Аԥшьа Варвара]] лзы- иаҳәшьаԥҳа [[Орсини, Джулия|Џьулиа Орсини]]. Апапа дышиеԥшыз [[Кавальказелле, Джованни Баттиста|Џь.Б.Кавальказелле]]и егьырҭ аӡәырҩи иазгәарҭеит, насгьы иԥшьоу Варвара лпрототип азы Лукрециа делла Ровере лыхьӡгьы рҳәон, апонтифик иаҳәшьаԥҳа<ref> Putscher M. Raphaels Sixtinische Madonna. Das Werk und seine Wirkung. — Tübingen: Hopfer Verlag, 1955. — Р. 38 </ref>. Асахьаҭыхымҭа Мраҭашәаратәи аҟазара иреиҳау [[шедевр|ашедеврқәа]] иреиуоуп ҳәа зегьы еицҿакны иазгәарҭоит, зегь раԥхьаӡа иргыланы [[Композиция (изобразительное искусство)|акомпозициа]] ауадаҩразы, абырзен-римтәи, аԥшӡара [[идеал|аидеал]]и ақьырсиантә цәаныррақәеи рконтаминациа агармониазы. Асахьа изызҭыхыз аҭыԥ ԥшьа (Пиаченца иҟоу Сан-Систо аберҭыԥ) иаҟәыганы, уи асахьақәа ргелереиахь аиагара XVIII-тәи ашәышықәса аинтеллектуалцәа рыбжьара ахәыцра ҵаулақәа цәырнагеит<ref> Gazzola Е. La Madonna Sistina di Raffaello. Storia e destino di un Quadro. — Macerata: Quodlibet, 2013. — ISBN 9788874625246 </ref>. === Апортреҭқәа === [[Афаил:Baldassare_Castiglione,_by_Raffaello_Sanzio,_from_C2RMF_retouched.jpg|мини|[[Портрет Бальдассаре Кастильоне|Балдассаре Кастильоне ипортреҭ]]. 1514-1515 шықәсазы. Ахәшашәыга, ақәатәа. Лувр, Париж]] Ауахәамақәа рыдҵала хыԥхьаӡара рацәала иҭихуаз аусумҭақәа рыдагьы, Рафаель апортреҭтә жанр алагьы ирацәаны аус иуан. 1512 шықәсазы иҭихит «Апапа Иули II ипортреҭ». Џь. Вазари иазгәеиҭон: «Иара убри аамҭазы, даара дшеицыдыруазгьы, аҟаза ахәшашәыгала апапа Иули ипортреҭ ҭихит. Асахьа апапа даара иеиԥшын, аԥсы ҭазшәа иҟан. Уи збоз зегьы, апапа иԥсы ҭаны раԥхьа дгылошәа, ргәы хыҭ-хыҭуа иалагон<ref name="Вазари"/>. Апапа икуриа адҵала иҭыхын «Акардинал Алессандро Фарнезе ипортреҭ» (1512 шықәса инарзынаԥшуа), «[[Портрет Льва X с кардиналами Джулио Медичи и Луиджи Росси|Лев Х ипортреҭ, акардиналцәа Џьулио Медичии, Луиџьи России иваргыланы]]» (1517-1518 шықәса инарзынаԥшуа). Абарҭ аусумҭақәа рҟынтәи иалкаауп [[портрет Бальдассаре Кастильоне|Балдассаре Кастильоне]] (1514-1515) ипортреҭ. Акыр шықәса рышьҭахь, ари апортреҭ акопиа [[Рубенс]] иҭихуеит. [[Рембрандт]] раԥхьа уи асахьа ҭихуеит, анаҩс, асахьа анырра инаҭаз иабзоураны, иара ихатәы “[[Автопортрет Рембрандта (1640)|Автопортреҭ]]” ҟаиҵоит. Астанцақәа рҿы аус анимуаз аамҭазы, Рафаель «[[Портрет Биндо Альтовити|Биндо Альтовити ипортреҭ]]» ҭихит (1515 шықәса инарзынаԥшуа). Аҵыхәтәаны Рафаель ихы ҭихит «Ахатәыпортреҭи сҩызеи» (1518-1520) аҟны, аха асахьаҿы Рафаель инапы зыжәҩа иқәиҵаз дарбан ҩызоу иахьагьы еилкааӡам; аҵарауаа зыгәрагара уадаҩу аверсиақәа рацәаны иаадырԥшуеит. === Авилла Фарнезина === {{Main|Авилла Фарнезина}} {{Main|Галатеиа лтриумф}} [[Афаил:Raffael 012.jpg|мини|слева| Галатеиа лтриумф. 1511ш. "Галатеиа ллоџьиа". Вилла Фарнезина, Рим]] Абанкир, аҟазара ахылаԥшҩы [[Киджи, Агостино|Агостино Киџьи]] [[Тибр]] аԥшаҳәаҿы авилла иргылеит, уахь Рафаели иҵаҩцәеи ааԥхьара риҭеит ажәытә мифологиа асиужетқәа рыла аҭыӡсахьақәа ҭырхырц азы. Абасала, 1511 шықәсазы «[[Триумф Галатеи|Галатеиа лтриумф]]» захьӡу аҭыӡсахьа цәырҵит. Уаанӡа авилла ианыз асахьақәа Рафаель ихаҭа иусумҭақәаны иԥхьаӡан: «Рафаель абри аҭыӡсахьаҿы аԥаимбарцәеи асивиллақәеи рсахьа ҭихит. Уи иара иаԥҵамҭақәа иреӷьу ҳәа иԥхьаӡоуп, иреиӷьқәоу иреиӷьу. Ииашаҵәҟьаны, уа иану аҳәсеи ахәыҷқәеи рыԥсы ҭазшәа иҟоуп, насгьы ихырку аколорит ала иалукаауеит. Ари аусумҭа иара иԥсы анҭазгьы ахьӡ-аԥша ду изаанагахьан, иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахьгьы иара убас<ref name="Вазари"/>. Аамҭа анца, еилкаахеит, ирацәаӡаны азаказқәа ахьимаз азы, зегь раԥхьаӡа иргыланы, [[Собор Святого Петра|Аԥшьа Пиотр иныхабаа]] аргылара иадҳәалаз аусқәа, Ватикан [[Станцы Рафаэля|астанцақәа]] рҭыӡсахьақәа рҭыхра, уҳәа Рафаель ицхырааҩцәа аҭыӡсахьақәа аус рыдулара рыдиҵо далагеит.Убри аан, азыҟаҵаратә ҭыхымҭақәа рыбжеиҳарак иара Рафаель ихахьы игон, аҭыӡсахьақәа егьырҭ иҟарҵон. Авилла Фарнезина аҿы аус руан иҵаҩцәа: [[Романо, Джулио|Џьулио Романо]], [[Себастьяно дель Пьомбо|Себастьиано дель Пиомбо]], [[Пенни, Джанфранческо|Франческо Пенни]], [[Содома]]. XX-тәи ашәышықәса агәҭаны имҩаԥгаз аҭыӡсахьақәа рреставрациа ашьҭахь еилкаахеит « Галатеиа лтриумф» аҭыӡсахьа еиҳа ихадоу ахәҭақәа иара Рафаель ихаҭа ишҭихыз, егьырҭ- Џьулио Романо<ref> Pierluigi De Vecchi. Raffaello. — Р. 105 </ref><ref> Bajard S., Bencini R. Roms. Paläste und Garten. Paris: Terrail, 1997. S. 15-22 </ref>. «Александр Македонскии Роксанеи рчара» акомпозициа авилла аҩбатәи аихагылаҿы [[Содома]] иаԥиҵеит, ахқәа иалкаау рыхәҭақәак-Рафаель ихаҭа иҭихит. === Архитектура === Рафаель архитектор иаҳасабала иусура иалкаау аҵакы амоуп, уи Браманте римантәи иклассицизми уи иашьҭанеиуаз азеиԥшевропатәи архитектура [[классицизм|аклассицизм]]и аанарԥшуеит, ахәҭакахьала [[Палладианство|Палладиантәи]] ацәырҵра аныԥшуеит. Браманте 1514 шықәсазы идунеи аниԥсах, Рафаель усҟан зыргылара иаҿыз [[Собор Святого Петра|Аԥшьа Пиотр иныхабаа]] архитектор хадас дҟалеит. 1513 шықәсазы Иули II иҭыԥан иҟалаз апапагьы, [[Лев X|Леон X]] - Рафаель иҟазара ҳаҭыр ду ақәиҵон. 1513 шықәсазы иара Рафаель ажәытәӡатәи Рим иаҵанакуа аамҭа актәи археологс дҟаиҵеит. Апонтифик Ду идҵала Рафаель археологиатә ԥшаарақәа дырхылаԥшуан, Ватикантәи аколлекциақәа реидкыларақәа, рышьақәгылара хылаԥшра азиуан, насгьы Наӡаӡатәи ақалақь археологиатә сахьа (аплан) еиқәиршәеит. 1515 шықәса инаркны Рафаель Ватикан «ажәытә ҭынхақәа рзы акомиссар» иҭыԥ ааникылон<ref> Бартенев И. А. Рафаэль и архитектура // Рафаэль и его время: Сборник статей. — М.: Наука, 1986. — С. 80 </ref>. Рим Рафаель ипроект ала иргылан аџьартә- ҟәырӷ змоу аухәама [[Сант-Элиджо-дельи-Орефичи|Сант- Елиџьо- дели- Орефичи]]( аиувелирцәа рцех иԥшьоу аелегиа), иара убас даара зычаԥашьа бзиоу ауахәама [[Санта-Мария-дель-Пополо|Санта- Мариа- дель- Пополо]] акпелла Киџьи(1512-1520). Иара убас Рафаель апроект ҟаиҵеит [[Палаццо Видони-Каффарелли|Палаццо Видони- Каффарелли]] аԥхьатәи ахәҭа(1515), Бранконио дель Аквила(1520 ахыбра еиқәымхаӡеит), иара убасгьы Флоренциа иҟоу [[Палаццо Пандольфини]], уа аусурақәа хирқәшеит Франческо да Сангалло(1516-1520). 1515 азы, Рим аҩада-мраҭашәаратәи аган ахәҭаҿы, Рафаель ипроект ала акардинал Џьулио Медичи (аԥхьаҟа Апапа Климент VII) изы авилла аргылара иалагеит (аргылара хиркәшеит [[Сангалло, Антонио да (младший)|Антонио да Сангалло Аиҵбы]]). Ахыбра «[[Вилла Мадама]]» ҳәа ахьӡырҵеит (уи анаҩс аԥшәымас иаиоуз [[Маргарита Пармская|Маргарита Пармтәи]], ( Маргарита Австиратәи ҳәагьы илышьҭан, ма « [[Мадам]] Маргарет»), Алессандро Медичи иԥшәма ԥҳәыс). Авилла архитектуратә мотив хадақәа еснагь еиԥш — агьежьбжатәи ахыргьагьеи аҟәырӷи ракәын. Авестибиули алоџьиеи агротесктә темақәа рыла иҭыху асахьақәеи [[Рельеф (скульптура)|арелиеф]]қәеи рыла [[декор|ирԥшӡоуп]]. Рафаель афасад акомпозициаеи ааигәара игылоу ахыбрақәа рҷыдарақәеи еснагь еидиҳәалон, ахыбра ашәаагақәееи ахықәки азгәаҭаны, аханқәа зегьы ырԥшӡаны, акы иузаламырҩашьо аҟаҵара иҽазишәон<ref name="БСЭ">{{книга |автор = [[Алпатов, Михаил Владимирович|Алпатов М. В.]] |часть =Рафаэль |заглавие = [[Большая советская энциклопедия]] |ответственный = Гл. ред. [[С. И. Вавилов]]|издание = 2 издание|место = М.|издательство = [[Советская энциклопедия]]|год = 1965}}</ref>. Икомпозициақәа ирышьагәыҭуп ихырқәшоу аплан, асимметриа, афасадқәа апилиастрқәа рыла реихшара. Иҟоуп агәаанагара, архитектуреи аҿыханҵеи рҿы аклассицизм астиль Рафаель иоуп иаԥызҵаз, ихзырқәшазгьы ҳәа. Иусумҭақәа уанрыхәаԥшуа, ииашаҵәҟьаны, урҭ рыҩаӡара шхырқәшоу убоит, анаҩстҽи рырҿиара шзалымшо еиукаауеит<ref> Алпатов М. В. Художественные проблемы итальянского Возрождения. — М.: Искусство, 1976. — С. 10—12 </ref>. === Аҭыхымҭақәеи агравиурақәеи === [[Афаил:Raphael Lucretia.jpg|мини|слева|200px|Рафаель. Лукрециа. 1483-1520 шықәсқәа рыбжьара. Ақьаад, акалам, амарқьаф, амел. Метрополитен амузеи, Ниу-Иорк]] [[Афаил:Raimondi Lucretia's suicide.jpg|мини|200px|Маркантонио Раимонди. Лукрециа. 1515. Аџьаз аҟны агравиура.]] Рафаель иҭыхымҭақәа ԥшьышә инарзынаԥшуа еиқәхеит. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп асахьаҭыхразы аҽазыҟаҵаратә ҭыхымҭақәа, иҟоуп иара убас зхала иҟоу аусумҭақәагьы. Рафаель ихаҭа агравиурақәа ҟаиҵаӡомызт. Аха иҵаҩцәеи ицхырааҩцәеи — [[Раймонди, Маркантонио|Маркантонио Раимонди]], [[Венециано, Агостино|Агостино Венециано]], [[Денте, Марко|Марко Денте]], Џьованни Антонио Каралио — Рафаель исахьақәеи ихыркәшамыз икомпозициақәеи рхы иархәаны, арепликақәеи акомпозициатә вариациақәеи ҟарҵон. Уи абзоурала, ахәҭакахьала, иӡхьоу Рафаель исахьаҭыхымҭақәа ԥыҭк ҳара ҳаамҭанӡа иааӡеит. Рафаель иҭыхымҭақәа рыла иҟаҵаз агравиурақәа амҩадуқәа ирыԥныз адәқьанқәа рҿы ирҭиуан; урҭ аархәон италиатәи [[Майолика|амаиоликатә]] сахьаҭыхра аҟазацәа, (аҭӡамцхҟьақәа рҭыжьразы акартонқәа ҟазҵоз), амҿлыхқәа ҭаԥызҟоз, аиувелирцәа. Абас ала иҿион Аиҭарҿиара аамҭа иазҷыдаз аҟазаратә еицлабра: иналукааша асахьаҭыхҩы иусумҭа — асахьаҭыхҩы-агравиурақәа ҟазҵоз иусумҭа — анапҟаза иусумҭа уҳәа абарҭ зегьы еимаданы ианыҿиоз. Санкт-Петербургтәи [[Ермитаж|Аермитаж]] аҿы А. Венецианои М. Раимондии ркомпозициақәа зну амаиоликатә чанахқәа ыҟоуп. Насгьы, асахьанҵақәа Рафаель иҭыхымҭақәа ирықәҭыхӡам, урҭ рҿиаратә вариациақәуп, ркомпозициақәа рсахьа шыԥсыҽугьы, Рафаель ихаҭа иескизқәа раасҭагьы еиҳауп. Ари зыхҟьо аформат ахьыгьежьуи, ахьшьытә сахьанҵа аҷыдареи роуп<ref> Михайлова О. Э. Использование композиций произведений Рафаэля и его школы в росписи итальянской майолики // Рафаэль и его время: Сборник статей. — М.: Наука, 1986. — С. 142—154 </ref>. Рафаель иҭыхымҭа “ Парис иусӡбара ” дахәаԥшны (1508-1509). Раимонди аџьаз аҟны иҟаиҵаз агравиура, Џьорџьоне исахьаҭыхымҭа “Ақыҭатә концерт” (1508-1509) еиԥш, иара асхьаҭыхҩы ихаҭа [[Мане, Эдуард|Е. Мане]] ишиҳәоз ала, асахьаҭыхымҭа « [[Завтрак на траве (картина Мане)|Ашьацраҿ шьыбжьхьаҟаҵара]]»(1863) шьаҭас иаиуит<ref> Прокофьев В. Н. Живопись Эдуарда Мане между прошлым и будущим (некоторые вопросы поэтики и стилистики) // Прокофьев В. Н. Об искусстве и искусствознании. — М.: Советский художник, 1985. — С. 128 (письмо Ш. Бодлера Надару от 14 мая 1859 г.)</ref>. === Ажәеинраалақәа === [[Афаил:La Fornarina by Raffaello.jpg|мини|слева|229px|[[Форнарина (картина)|Аԥҳәыс қәыԥш лпортреҭ (Форнарина)]]. 1518-1519 шықәсазы. Палаццо Барберини, Рим. Аҵарауаа реиҳараҩык ргәы ишаанагоу ала, асахьаҿы Рафаель бзиа иибоз, имодель [[Форнарина]] даарԥшуп. Рафаель данԥсы ашьҭахь, Џьулио Романо аԥҳәыс лыжәҩахыр аҿы иҭихит «Рафаель Урбинас» ҳәа зныз анапхаҵа.]] [[Афаил:Raffaello Sanzio - La Donna Velata.jpg|мини|229px|[[Донна Велата|Донна Велата (Ақәыршә зхоу аԥҳәыс)]]. 1516.ақәатәа, ахәшашәыга. Палаццо Питти, Флоренциа]] Иаамҭазы иҟаз асахьаҭыхыҩцәа реиԥш, иаҳҳәап, [[Микеланџьело|Микеланџьело]], Рафаельгьы ажәеинраалақәа иҩуан. Иахьанӡагьы еиқәханы иҟоуп [[сонет|асонет]]қәа рыцҵаны иҭихыз исахьақәа. Ҵаҟа ижәбоит А. Махов еиҭеигаз асахьаҭыхҩы бзиа иибоз аԥҳәызбацәа руаӡәк илзикыз асонет. {{Ацитата алагара}}Амур, ирмаҷ убла хызкуа алашара Уара иааушьҭыз ҩ-бла џьашьахәык. Урҭ ҳақәдыргәыӷуеит ма ахьҭа, ма аԥхын амца шоура, Аха урҭ арыцҳашьара цәыкәбар хәыҷыкгьы рылам. Сара урҭ рыԥшӡара анысныр, Ишԥасцәыӡи схақәиҭреи сҭынчреи. Ашьхантә иасуа аԥшагьы, ацәқәырԥақәагьы Уи амца рзырцәаӡом сара сахьдырхәуашәа. Ҿымҭӡакәа сыхьанҭара ахгара сазыхиоуп Ашьамҭлаҳәқәа рыла иҿаҳәоу тәыс сыҟаз Урҭ рцәыӡра -аԥсра иаҩызоуп. Сгәаҟрақәа дарбанзаалак еиликаауеит, Агәаҳәарақәа раанкылара злымшаз Абзиабаратә ԥшатлакә ԥсаҭатәыс саиуит.{{Ацитата алгара}} === Рафаель иԥсреи Апантеон аҿы анышә иамадареи === [[Афаил:Raphael's grave, Pantheon 2010.jpg|мини|Рафаель исаркофаг Апантеон аҟны. Рим. Аскульптор А. Мунес. 1811—1833]] Рафаель иԥсҭазаара далҵит Рим, мшаԥымза 6,1520 шықәса рзы, 37 шықәса дшырҭагылаз. Џь. Вазари иҩуан, Рафаель «абжьааԥны аасҭа еиҳа қьафурала аамҭа анихига ашьҭахь » дыԥсит ҳәа, аха иахьатәи аҵарауаа ргәы ишаанаго ала, иԥсра зыхҟьаз аԥсыԥ лага-ҩагаратә чымазара имцашоура ӷәӷәала иахьханагалаз иахҟьеит. Аҳақьымцәа иҟарҵаз агха иахҟьеит ҳәа,-апапа иааишьҭыз аҳақьымцәа, ииашамыз адиагноз ықәдыргылеит, ашьакаҭәарала имцашоура ладырҟәырц рҽазыршәеит, уи ахьҭа ӷәӷәа злаланы иҟаз ачымазаҩ изы даара ишәарҭан (ари атәы XVI-тәи ашәышықәсазгьы еилкааны ирыман<ref>{{Cite web|url=https://doi.org/10.1007/s11739-020-02435-8|title=Riva, M.A., Paladino, M.E., Motta, M. et al. The death of Raphael: a reflection on bloodletting in the Renaissance. Intern Emerg Med (2020)}} </ref>). Дыԥсаанӡа, Рафаель иҭаххеит иара ихарџь ала Апантеон аҿы «ажәытәӡатәи ахаҳәтә табернакль еиҭашьақәыргылазарц, насгьы уаҟа Мадонна лҳатәара зықәгылоу аныҳәарҭа дыргыларц, уи аҵаҟа анышә дахьарҭаша аҭыԥ алихит». Ажәытәӡатәи Венера илеиԥшны(егьырҭ ахыҵхырҭақәа рыла, Исида) аҳаҭәара аҟаҵара идиҵеит иҵаҩы, аскульптор, архитектор Лоренцо Лотти, хьыӡшьас [[Лоренцетто]] ҳәа зарҳәоз. Аскульптура "Мадонна дель Сассо" ҳәа иашьҭалеит (италиан бызшәала: Мадонна дель Сассо - Ашьха Мадонна, мамзаргьы Ахаҳәтә), избан акәзар Мадонна лшьапқәа ахаҳә иқәгылоуп. Аха аҟаза ду анышә дахьамадаҵәҟьоу еилкаамызт<ref>La Morte di Raffaello. — URL: [http://la-morte-di-raffaello-da-urbino.blogspot.com/2016/11/tomba-di-raffaello-al-pantheon-la-morte.html] {{Асаит архивтәра|url=https://web.archive.org/web/20220118213141/http://la-morte-di-raffaello-da-urbino.blogspot.com/2016/11/tomba-di-raffaello-al-pantheon-la-morte.html |date=2022-01-18 }}</ref>. цәыббрамза 14, 1833ш азы, асахьаҭыхҩцәа, [[Папская академия литературы и изящных искусств|аҟазара апапа иакадемиа]] алахәылацәа ражәалагалала, Апапа Григори XVI изин ала, дахьжыҵәҟьоу аилкааразы, аӡҟы дызку Мадонна лҳатәара зықәгылаз аплита аадыртит. Уи ахҭыс иалахәын апапа икуриа ахаҭарнакцәа, апапа ицҳаражәҳәаҩ, акардинал Викарио Зурла, аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа рыцҳаражәҳәаҩцәа, ауахәама ахаҭарнакцәа, Рим ақалақь ахаҭарнакцәа, анотариусцәа, аҳақьымцәа, археологцәа. Урҭ инарҷыданы,уи аамҭазы Рим иаҭааны иҟаз еицырдыруаз ашәҟәыҩҩцәеи аҟазацәеи: И. Ф. Овербек, Б. Торвальдсен, К. П. Бриуллов, О. Верне, Ф. А. Бруни, А. А. Иванов уҳәа убас егьырҭгьы. Зегьы ааидкыланы хынҩажәи жәохәҩык ауаа. Асахьаҭыхҩы [[Камуччини, Винченцо|Винченцо Камуччини]] акардама аартра апроцесс аарԥшразы иҷыдоу азин иҭан. Иара иаарту акардамеи аԥсыбаҩи рсахьа ҭихит, урҭ литографиала иҭрыжьит. Мызкы иалагӡаны Рафаель иԥсыбаҩ зегьы иахьырбоз иқәыргылан, анаҩс уи ажәытәӡатәи Римтәи асаркофаг иҭарҵеит, иара апапа иколекциа аҟынтәи ириҭеит. Асаркофаг ахҩа аҟны алаҭинтә епитафиа анырҵеит. Уи иҩит италиатәи агуманист, акардинал [[Бембо, Пьетро|Пиетро Бембо]]: «ILLE HIC EST RAPHAEL TIMUIT QUO SOSPITE VINCI / RERUM MAGNA PARENS ET MORIENTE MORI» ( ара анышә дамадоуп Рафаель дуӡӡа, иԥсы анҭаз аԥсабара даииаир ҳәа ишәон, даныԥсы ашьҭахь иара ԥсыр ҳәа ишәон). Асаркофаг ҭыԥк аҿы ишьҭаҵаны, асаркьа ала ихырҩеит. Ахҩа аҿы адаԥа иалху аџьазтә венок арҭеит, акардама ахыхь- игәыдеибакыло ҩ-ҳәыҳәк, Антонио Муниос искульптура (1811) Акомпозициа атеатралтә ҟазшьа шамоугьы, иара уныруеит, избан акәзар «асаркофаг аҿы аӡәгьы иеиԥшымкәа, аԥштәқәеи ацәаҳәақәеи аԥсҭазаара рыхҵара здыруаз аӡәы иԥсыбаҩ ыҟоуп»<ref>Власов В. Г. Пантеон и пантеоны. Умножение наименований: культурно-исторические и мнемонические аспекты изучения памятников классической архитектуры // Архитектон: известия вузов. — 2020. — № 2(70). — URL: [http://archvuz.ru/2020_2/5] {{Асаит архивтәра|url=https://web.archive.org/web/20210603064838/http://archvuz.ru/2020_2/5 |date=2021-06-03 }}</ref>. === Рафаелески === Иналукааша италиатәи аҟазацәа ирҿыԥшқәоз, рышьҭамҭа ихылақәоз аҵаҩцәа традициала иааркьаҿны ирышьҭоуп: “Џьоттески”, “Леонардески”, “Џьорџьонески”... “Рафаелескиқәа” рахь иаҵанакуеит аҟаза иҟазарҭаҿы аус зуаз ицхырааҩцәа, Рафаель данԥсы ашьҭахь, зхала аус зуаз: [[Романо, Джулио|Џьулио Романо]], [[Себастьяно дель Пьомбо|Себастиано дель Пиомбо]], [[Перино дель Вага]], [[Пенни, Джанфранческо|Франческо Пенни]], Џьованни да Удине, [[Содома]]. Зегь реиҳа абаҩхатәра иман архитектор, аҿыханҵаҩ [[Романо, Джулио|Џьулио Романо]]. Ирҵаҩы истиль ала иҟаҵаз иусумҭақәа, зны-зынлагьы иескизқәа рыла иҟаиҵоз, рыхә ҳаракны иршьомызт аамҭак ицаныз ауаа. Аха, уи XVI-тәи ашәышықәса аҩбатәи азбжазы италиатәи аҟазара аҿиараҿы анаҩстәи акыр зҵазкуа аетап [[маньеризм|аманиеризм]] аҟазара ашьаҭаркҩцәа дыруаӡәкхеит. Еиҳараӡак иара Рим аус иуан, аха зегь реиҳа иоригиналтәу иргылареи исахьанҵақәеи [[Мантуя|Мантуа]] иҟоуп — [[Палаццо дель Те]]. Џьованни Нанни [[Удине]]ҟа дхынҳәит, уаҟа иара иаԥиҵеит акыр зҵазкуа асахьаҭыхымҭақәа. Франческо Пенни [[Неаполь]]ҟа нхара диасит, аха дышқәыԥшыз дыԥсит. Перино дель Вага Флоренциеи [[Генуя|Генуе]]и аус иуан. === Рафаель ирҿиаратә метод аҭоурыхтә хәшьарақәа === Рафаель иусумҭақәа рыҭҵааҩцәеи рдырыҩцәеи реиҳараҩык иазгәарҭоит иҟазара иацу аласреи апластикеи. “Еснагь аҵара дазхиан, еиуеиԥшым аныррақәа идикылон: [[Перуджино|Перуџьино]] “ихәыцуа Мадоннақәа” рҟәымшәышәра, Леонардо да Винчи и[[сфумато]], иара убас “акомпозициатә хкәакь”, иҟазара аҵыхәтәантәи аетапаҿы Микеланџьело ифигурақәа рпластика ду. Иара анатура акырӡа аус адиулон, ашьшьы-шьшьыҳәа ескизк аҟынтә даҽа ескизкахь диасуа, акомпозициа еибакапануа,аформа шьахәны иҟаиҵон. « Иара изы аҟазара ргәаҟгамызт ма еилкаам хықәкымызт. Еиҳа-еиҳа иҟазара ршьахәуа, Рафаель иҿаԥхьа инаигӡашаз азҵаатәқәа ықәиргылон. Рафаель еснагь иҟаиҵон егьырҭ иҟарҵарц ирҭахыз». Г. Виольфлин ихшыҩҵак ҵар инақәршәаны «Микеланџьелои Леонардои рҟазара инаҭаз анырра илан игәаҭеиуа»<ref> Вёльфлин Г. Классическое искусство. Введение в изучение итальянского Возрождения. — СПб.: Алетейя, 1997. — С. 84, 88 </ref>. Рафаель иҭоурыхтә лшамҭаны иҟоуп, иҟазараҿы еиуеиԥшым ҩ-дунеик акны иахьеидиҳәалаз — ақьырсиантә дунеии аклассикатә дунеии”<ref> Гращенков В. Н. Об искусстве Рафаэля. — С. 10 </ref>. Жәашықәсала имҩаԥысуаз «[[Спор о древних и новых|Ажәытәқәеи аҿатәқәеи рзы аимак]]» ([[классицизм|аклассицизм]] адгылаҩцәеи [[барокко|абарокко]] адгылаҩцәеи) асахьаҭыхреи аскульптуреи Парижтәи Акралтә Академиа анапхгаҩы [[Лебрен, Шарль|Шарль Лебрен]] абҵарамза 5,1667 шықәсазы аклассикатә ҿыханҵа ашедеврқәа рзы лекциақәа рцикл ааиртит. Раԥхьатәи илекциа Рафаель ирҿиара иазикит. Европатәи [[Академизм|аҟазаратә академиақәа]] зегьы рҿы “Анцәахша Рафаель” иҟазара еталонс иҟан, насгьы зеиӷьыҟам ҿырԥшыгас иԥхьаӡан. Рафаелизм апологетцәа рҟынтә еиҳа иалкаауп [[Менгс, Антон Рафаэль|Антон Рафаель Менгс]]и [[Энгр, Жан Огюст Доминик|Џь. Енгар]]и. Рафаель иусумҭақәа ирымҵахырхәон [[Кальдара, Полидоро|Полидоро да Караваџьо]], [[Франча, Франческо|Франческо Франча]]. Ахәҭакахьала, Енгар иазгәеиҭеит: «Фидии Рафаели рышьҭахь аҟазараҿы акрызҵазкуа ҳәа уаҳа акгьы аартра залшом... Рафаель насыԥ иман ҳәа рҳәоит. Ааи, аха уи зыхҟьо уи ԥсабаратәла лакьыс узиҭомызт, дынцәахшан,Микеланџьело иусумҭа дуқәа уанрыхәаԥшуа, гәыкала урҭ ушдыршанхогьы, урҭ рҿы ааԥсарак аҷыдарақәа убарҭоуп. Рафаель иҟны даҽакала иҟоуп. Иаԥҵамҭақәа зегьы ссирӡақәоуп; Анцәа иаԥҵамҭақәа реиԥш, урҭ ԥшатлакәҵас ицәырҵыз рҿиаратә гәазыҳәара ссирк ала иҿиазшәа ауп ишыҟоу»<ref> Энгр об искусстве. — М.: Изд-во Академии художеств СССР, 1962. — С. 74, 81 </ref>. Рафаель иҟазарахь абас еиԥш иҟаз азнеишьа, аамҭа анца ашьҭахь аҭактә реакциа аиуит: аҟазараҿы [[романтизм|аромантизм]]и [[Реализм (живопись)|ареализм]]и рыдгылаҩцәа рыкритика обиект хаданы Рафаель дҟарҵеит. Милан, Рим ақалақьқәа рҿы Рафаель иҟазара нҭкааны иҭызҵааз аурыс сахьаҭыхҩы [[Иванов, Александр Андреевич|А. А. Иванов]] иазгәеиҭеит, Рафаель исахьақәа иааидкыланы «аграциеи аҳаракыреи» рҟазшьоуп ҳәа<ref> Мастера искусства об искусстве. М.: ИЗОГИЗ, 1937. Т. IV. С. 125 </ref>. 1883 шықәсазы Рафаель Санти диижьҭеи ԥшьышә шықәса аҵра ныҳәа дула иазгәарҭеит. [[Санкт-Петербург]] иҟоу [[Императорский фарфоровый завод|Аимператортә фарфортә зауад]] аҿы, аимператор [[Александр III]] идҵала, ари арыцхә азы Ватикан иҟоу “Рафаель илоџьиақәа” агротескқәа рмотивқәа рыла, асахьаҭыхҩы С. Р. Романов исахьанҵақәа зну “Рафаель исервиз” ҭрыжьит<ref>Рафаэлевский сервиз ИФЗ [http://farfor-expert.ru/rafaelevskij-serviz/] {{Асаит архивтәра|url=https://web.archive.org/web/20220118182531/http://farfor-expert.ru/rafaelevskij-serviz/ |date=2022-01-18 }}</ref>. == Иусумҭақәа рыхәԥса == [[Афаил:Raffaello Sanzio, - cartoon for the Head of a Young Apostle, c.1519-20.jpg|мини|справа|"Ацҳаражәҳәаҩ қәыԥш ихы"]] Ԥхынҷкәынмза 5, 2012ш азы [[Сотбис|Сотсбис]] аукцион аҟны ирҭиит Рафаель исахьа “Ацҳаражәҳәаҩ қәыԥш ихы” (1519-1520) асахьаҭыхымҭа “Аҽеиҭакра” азы. Ахәԥса £29,721,250 фунт стерлинг артәет, раԥхьатәи ахә аасҭа ҩынтә еиҳан. Ари аҿыханҵатә усумҭақәа рзы ирекордуп<ref>{{Cite web |url=http://www.sothebys.com/en/auctions/ecatalogue/2012/old-master-british-paintings-evening-l12036/lot.52.lotnum.html |title=Сайт Sotheby’s |access-date=2013-01-19 |archive-date=2018-02-20 |archive-url=https://web.archive.org/web/20180220033607/http://www.sothebys.com/en/auctions/ecatalogue/2012/old-master-british-paintings-evening-l12036/lot.52.lotnum.html |url-status=live }}</ref>. == Аҟазараҿы ахаҿсахьа == === Акиносахьақәа === * 2017 - Рафаель. Аҟазара аҭауад<ref>В некоторых русских источниках — «Принц», в англоязычном прокате — ''The Lord'' (of the arts)</ref> / Рафаелло: Il Principe delle Arti (реж. Лука Виотто / Лука Виотто) - адокументалтә-хәмарратә, Рафаель Санти ироль аҿы - Флавио Паренти / Флавио Паренти, Џьованни Манти ироль аҿы - Енрико Ло Версо / Енрико Ло Версо === Афилателиаҿы === <gallery> Афаил:The Soviet Union 1970 CPA 3956 stamp ('The Conestabile Madonna' (Raphael)).jpg|Рафаель исахьаҭыхымҭа "Мадонна Конестабиле", 1970 [[СССР]] [[Почтовая марка|аԥошьҭатә марка]]ҿы. Афаил:USSR 1983 5305 3111 0.jpg|Рафаель исахьаҭыхымҭа " Иԥшьоу Аҭаацәара", 1983 [[СССР]] [[Почтовая марка|аԥошьҭатә марка]]ҿы. Афаил:КПД СССР, 1983 г. со спецгашением. 500 лет со дня рождения Рафаэля.jpg|[[Асовет Еидгыла]] аҟны 1983 ш рзы Рафаель диижьҭеи 500 шықәса аҵра аҳаҭыразы аԥошьҭатә марка иҭыжьын. Афаил:GDR-stamp Raffael 1955 Mi. 509.JPG|Рафаель исахьаҭыхымҭа "Сикстинтәи Мадонна", 1955 [[ГДР]] [[Почтовая марка|аԥошьҭатә марка]]ҿы. </gallery> == Шәахә. иара уб. == * [[Список работ Рафаэля|Рафаель иҭыхымҭақәа рсиа]] * [[Мадонны Рафаэля|Рафаель Имадоннақәа]] * [[Станцы Рафаэля|Рафаель истанцақәа]] * [[Портреты Рафаэля|Рафаель ипортреҭқәа]] * [[Форнарина]] * [[Рафаэль (кратер)|Рафаель (акратер)]] * [[Леонардо да Винчи]] * [[Микеланџьело|Микеланџьело Буанарроти]] * [[Тициан|Тициан Вечеллио]] * [[Сандро Боттичелли]] == Азгәаҭақәа == {{Reflist|2}} == Алитература == * {{Книга |автор = Санти Б. |заглавие = Рафаэль |издание = |оригинал = ''Santi Bruno'' Raffaello (1993) |ответственный=Пер. с ит. И. С. Фомичёва|место = М. |издательство = Слово |год = 1995 |страницы=|страниц = 80 |isbn=|ref = Санти Б.}} * ''Кристоф Т.'' Рафаэль. — Taschen. 2005 * {{книга | автор = {{comment|Махов А. Б.|Александр Борисович}} | заглавие = Рафаэль | место = М. | издательство = [[Молодая гвардия (издательство)|Молодая гвардия]] | год = 2011 | серия = [[Жизнь замечательных людей]] | страниц = 376[8] | isbn = 978-5-235-03462-4 | тираж = | ref = }} * {{Книга |автор = [[Стам, Соломон Моисеевич|Стам С. М.]] |заглавие = Флорентийские мадонны Рафаэля : Вопросы идейного содержания |место = Саратов |издательство = Издательство [[Саратовский университет|Саратовского университета]] |год = 1982 |страниц = 80 }} * {{книга |автор = [[Элиасберг, Нора Ефимовна|Элиасберг Н. Е.]] |заглавие = Рафаэль |ссылка = |ответственный = |издание = |место = М. |издательство = [[Искусство (издательство)|Искусство]] |год = 1961 |страниц = 56 }} * [[Гращенков, Виктор Николаевич|Гращенков В. Н.]] Рафаэль. — М.: Искусство, 1975. — 25000 экз. == Азхьарԥшқәа == * [http://www.rafaelsanti.ru/ Сайт, посвящённый творчеству Рафаэля Санти]{{In lang|ru}} * [http://top-antropos.com/religion/jesus-maria/item/134-madonny-rafajelja Мадонны Рафаэля (42 картины)] {{Асаит архивтәра|url=https://web.archive.org/web/20111113160155/http://top-antropos.com/religion/jesus-maria/item/134-madonny-rafajelja |date=2011-11-13 }} * [http://www.art-drawing.ru/gallery/category/696-raphael Рафаэль Санти. Картины] [http://www.art-drawing.ru/biographies/brief-biographies/1213-raphael и биография] * Сонеты Рафаэля Санти в переводах Павла Алешина: https://rosa-mundi.ru/section/raffaello_sanzio {{Асаит архивтәра|url=https://web.archive.org/web/20250211134444/https://rosa-mundi.ru/section/raffaello_sanzio |date=2025-02-11 }} {{Авторитет змоу адыррақәа}} [[Акатегориа:1483 шықәсазы ииз]] [[Акатегориа:Мшаԥымза 6 рзы ииз]] [[Акатегориа:1520 шықәсазы иԥсыз]] [[Акатегориа:Мшаԥымза 6 рзы иԥсыз]] [[Акатегориа:Италиатәи аскульпторцәа]] [[Акатегориа:Италиатәи асахьаҭыхҩцәа]] [[Акатегориа:Италиатәи аиҭарҿиара аамҭазы аскульпторцәа]] [[Акатегориа:Италиатәи аиҭарҿиара аамҭазы асахьаҭыхҩцәа]] [[Акатегориа:Римтәи апантеон аҿы анышә иамадақәоу]] e08nhlv4bngaa46tfekco0t9umn5ihi