Авикипедиа abwiki https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%98%D1%85%D0%B0%D0%B4%D0%BE%D1%83_%D0%B0%D0%B4%D0%B0%D2%9F%D1%8C%D0%B0 MediaWiki 1.47.0-wmf.13 first-letter Амедиа Цастәи Ахцәажәара Алахәыла Алахәыла ахцәажәара Авикипедиа Авикипедиа ахцәажәара Афаил Афаил ахцәажәара Амедиавики Амедиавики ахцәажәара Ашаблон Ашаблон ахцәажәара Ацхыраара Ацхыраара ахцәажәара Акатегориа Акатегориа ахцәажәара TimedText TimedText talk Амодуль Амодуль ахцәажәара Event Event talk Акатегориа:СССР амаҵзура ҷыдақәа 14 32899 170991 135490 2026-08-04T13:47:52Z Fraxinus.cs 8381 Удaлeнa [[Акатегориа:Асовет Еидгылаҿы иҟоу аиҿкаарақәа]]; Дoбaвлeнa [[Акатегориа:Асовет Еидгыла иҟаз аиҿкаарақәа]] [[ВП:HC|HotCat]] ацхыраарала 170991 wikitext text/x-wiki {{commonscat|Intelligence agencies of the Soviet Union}} [[Акатегориа:Амаҵзура ҷыдақәа атәылақәа рыла]] [[Акатегориа:Асовет Еидгыла иҟаз аиҿкаарақәа]] [[Акатегориа:Асоветтә Социалисттә Республикақәа Реидгыла аиҳабыра]] e0055whqy0z5p2flirbnfdbm4seeq0u Акатегориа:Асовет Еидгыла иҟаз аиҿкаарақәа 14 32913 170988 170712 2026-08-04T13:46:13Z Fraxinus.cs 8381 Fraxinus.cs переименовал страницу [[Акатегориа:Асовет Еидгылаҿы иҟоу аиҿкаарақәа]] в [[Акатегориа:Асовет Еидгыла иҟаз аиҿкаарақәа]] без оставления перенаправления 170712 wikitext text/x-wiki {{DEFAULTSORT:совет Еидгылаҿы иҟоу аиҿкаарақәа}} [[Акатегориа:Асоветтә Социалисттә Республикақәа Реидгыла|аиҿкаарақәа]] [[Акатегориа:Аиҿкаарақәа аҭоурыхтә тәылақәа рыла]] qa63i9sqn2lt205gsnym64sr460zhxz Акатегориа:Асовет Еидгылаҿы иҟоу акультуратә еиҿкаарақәа 14 37883 170990 170918 2026-08-04T13:46:47Z Fraxinus.cs 8381 Удaлeнa [[Акатегориа:Асовет Еидгылаҿы иҟоу аиҿкаарақәа]]; Дoбaвлeнa [[Акатегориа:Асовет Еидгыла иҟаз аиҿкаарақәа]] [[ВП:HC|HotCat]] ацхыраарала 170990 wikitext text/x-wiki {{DEFAULTSORT:совет Еидгыла}} [[Акатегориа:Асовет Еидгыла иҟоу аиҿкаарақәа асубиектқәа рыла]] [[Акатегориа:Асовет Еидгыла иҟаз аиҿкаарақәа|культуратә еиҿкаарақәа]] [[Акатегориа:Асовет культура|культуратә еиҿкаарақәа]] [[Акатегориа:Акультуратә еиҿкаарақәа атәылақәа рыла]] euksixh7jy9t5gxqwvif3dn5hzy49rz Акатегориа:Асовет Еидгыла иҟоу аиҿкаарақәа асубиектқәа рыла 14 37884 170989 170919 2026-08-04T13:46:34Z Fraxinus.cs 8381 Удaлeнa [[Акатегориа:Асовет Еидгылаҿы иҟоу аиҿкаарақәа]]; Дoбaвлeнa [[Акатегориа:Асовет Еидгыла иҟаз аиҿкаарақәа]] [[ВП:HC|HotCat]] ацхыраарала 170989 wikitext text/x-wiki {{Аконтеинер акатегориа}} {{DEFAULTSORT:совет Еидгыла}} [[Акатегориа:Азиатәи аиҿкаарақәа атәылақәа рылеи асубиектқәа рылеи]] [[Акатегориа:Европатәи аиҿкаарақәа атәылақәа рылеи асубиектқәа рылеи]] [[Акатегориа:Аиҿкаарақәа атәылақәа рылеи асубиектқәа рылеи]] [[Акатегориа:Асовет Еидгыла иҟаз аиҿкаарақәа| субиект]] 7oe28g179273accjhh4qn00cnp08rsk Акатегориа:Асовет Еидгылаҿы иҟоу ауаажәларратә еиҿкаарақәа 14 37886 170992 135492 2026-08-04T13:48:23Z Fraxinus.cs 8381 Удaлeнa [[Акатегориа:Асовет Еидгылаҿы иҟоу аиҿкаарақәа]]; Дoбaвлeнa [[Акатегориа:Асовет Еидгыла иҟаз аиҿкаарақәа]] [[ВП:HC|HotCat]] ацхыраарала 170992 wikitext text/x-wiki {{DEFAULTSORT:совет Еидгыла}} [[Акатегориа:Асовет Еидгыла иҟаз аиҿкаарақәа|уаажәларратә еиҿкаарақәа]] rqryrb1orqwt60gzqjkqtat90pwj0xu Акатегориа:Урыстәылатәи Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиеи уи аԥхьа иҟаз академиақәеи 14 55250 170994 170901 2026-08-04T13:52:41Z Fraxinus.cs 8381 Удaлeнa [[Акатегориа:Урыстәыла аҳәынҭқарратә аҭҵаарадыррақәа ракадемиақәа]]; Дoбaвлeнa [[Акатегориа:Урыстәыла аҳәынҭқарратә ҭҵаарадыррақәа ракадемиақәа]] [[ВП:HC|HotCat]] ацхыраарала 170994 wikitext text/x-wiki {{category see also|Урыстәылатәи Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа}} [[Акатегориа:Урыстәыла аҳәынҭқарратә ҭҵаарадыррақәа ракадемиақәа| ]] bteu4v8lij5vx7aohy8k1ztwog7pdce Акатегориа:Урыстәыла аҳәынҭқарратә ҭҵаарадыррақәа ракадемиақәа 14 55251 170993 170902 2026-08-04T13:52:29Z Fraxinus.cs 8381 Fraxinus.cs переименовал страницу [[Акатегориа:Урыстәыла аҳәынҭқарратә аҭҵаарадыррақәа ракадемиақәа]] в [[Акатегориа:Урыстәыла аҳәынҭқарратә ҭҵаарадыррақәа ракадемиақәа]] без оставления перенаправления 170902 wikitext text/x-wiki [[Акатегориа:Амилаҭтә ҭҵаарадыррақәа ракадемиақәа]] [[Акатегориа:{{Title country}} иҟоу аҭҵаарадырратә еиҿкаарақәа]] [[Акатегориа:{{Title country}} иҟоу академиақәа]] dqmheepd16tq2bxa1xoglhw6ef43bfe Акатегориа:Урыстәыла аҭҵаарадырратәи аҵарадырратәи уаажәларрақәа 14 55261 170978 2026-08-04T13:14:44Z Fraxinus.cs 8381 Новая страница: «{{Commons category|Learned societies of Russia}} [[Акатегориа:{{Title country}} иҟоу аклубқәа|ҭҵаарадырратәи аҵарадырратәи уаажәларрақәа]] [[Акатегориа:Аҭҵаарадырратәи аҵарадырратәи уаажәларрақәа атәылақәа рыла]] Акатегориа:{{Title country}} иҟоу аиҿкаарақәа асубиектқәа рыла|ҭҵаарады...» 170978 wikitext text/x-wiki {{Commons category|Learned societies of Russia}} [[Акатегориа:{{Title country}} иҟоу аклубқәа|ҭҵаарадырратәи аҵарадырратәи уаажәларрақәа]] [[Акатегориа:Аҭҵаарадырратәи аҵарадырратәи уаажәларрақәа атәылақәа рыла]] [[Акатегориа:{{Title country}} иҟоу аиҿкаарақәа асубиектқәа рыла|ҭҵаарадырратәи аҵарадырратәи уаажәларрақәа]] [[Акатегориа:{{Title country}} иҟоу академиа|ҭҵаарадырратәи аҵарадырратәи уаажәларрақәа]] inl23xq6u7p8pym978kilag99ffxuwu Акатегориа:Урыстәыла иҟоу аклубқәа 14 55262 170979 2026-08-04T13:16:09Z Fraxinus.cs 8381 Новая страница: «{{Commonscat|Clubs and societies in Russia}} [[{{Title country}}]] иҟоу аклубқәа [[Акатегориа:Аклубқәа атәылақәа рыла]] [[Акатегориа:{{Title country}} иҟоу аиҿкаарақәа асубиектқәа рыла|клубқәа]]» 170979 wikitext text/x-wiki {{Commonscat|Clubs and societies in Russia}} [[{{Title country}}]] иҟоу аклубқәа [[Акатегориа:Аклубқәа атәылақәа рыла]] [[Акатегориа:{{Title country}} иҟоу аиҿкаарақәа асубиектқәа рыла|клубқәа]] o2z83g3sq1ngpm0dx4flgiaepdyxi6s Акатегориа:Асовет Еидгыла академикцәа 14 55263 170980 2026-08-04T13:20:49Z Fraxinus.cs 8381 Новая страница: « {{DEFAULTSORT:совет Еидгыла академикцәа}} [[Акатегориа:СССР иҟаз академиақәа|академикцәа]] [[Акатегориа:Асовет академикцәа|*]] [[Акатегориа:Амилаҭтә академиақәа рылахәылацәа]]» 170980 wikitext text/x-wiki {{DEFAULTSORT:совет Еидгыла академикцәа}} [[Акатегориа:СССР иҟаз академиақәа|академикцәа]] [[Акатегориа:Асовет академикцәа|*]] [[Акатегориа:Амилаҭтә академиақәа рылахәылацәа]] gksoephcwmyk0zameqabiqiae3zhhfc Акатегориа:Асовет академикцәа 14 55264 170981 2026-08-04T13:29:46Z Fraxinus.cs 8381 Новая страница: «{{Commons category|Academics from the Soviet Union}} {{DEFAULTSORT:совет академикцәа}} [[Акатегориа:Академикцәа атәылақәа рыла]] [[Акатегориа:Асовет рҵаҩцәа|академикцәа]] [[Акатегориа:Аҵарауааи академикцәеи|*совет]] [[Акатегориа:Асовет персонақәа рзанааҭ ҳасабала|академикцәа]]» 170981 wikitext text/x-wiki {{Commons category|Academics from the Soviet Union}} {{DEFAULTSORT:совет академикцәа}} [[Акатегориа:Академикцәа атәылақәа рыла]] [[Акатегориа:Асовет рҵаҩцәа|академикцәа]] [[Акатегориа:Аҵарауааи академикцәеи|*совет]] [[Акатегориа:Асовет персонақәа рзанааҭ ҳасабала|академикцәа]] 5gzc5v4wu0nbkr1uquzb8x6sl7s4e7m Акатегориа:Асовет рҵаҩцәа 14 55265 170982 2026-08-04T13:33:07Z Fraxinus.cs 8381 Новая страница: «{{Commons category|Educators from the Soviet Union}} {{DEFAULTSORT:совет рҵаҩцәа}} [[Акатегориа:Асовет персонақәа рзанааҭ ҳасабала|рҵаҩцәа]] [[Акатегориа:Арҵаҩцәа аҭоурыхтә тәылақәа рыла]] [[Акатегориа:Асовет Еидгыла иҟаз аҵара|+рҵаҩцәа]]» 170982 wikitext text/x-wiki {{Commons category|Educators from the Soviet Union}} {{DEFAULTSORT:совет рҵаҩцәа}} [[Акатегориа:Асовет персонақәа рзанааҭ ҳасабала|рҵаҩцәа]] [[Акатегориа:Арҵаҩцәа аҭоурыхтә тәылақәа рыла]] [[Акатегориа:Асовет Еидгыла иҟаз аҵара|+рҵаҩцәа]] dyq8i3weo3llv9u3rqz3oe0jp4df8op Акатегориа:Арҵаҩцәа аҭоурыхтә тәылақәа рыла 14 55266 170983 2026-08-04T13:35:57Z Fraxinus.cs 8381 Новая страница: «{{Аконтеинер акатегориа}} {{DEFAULTSORT:рҵаҩцәа аҭоурыхтә тәылақәа рыла}} [[Акатегориа:Ауаа рзанааҭ ҳасабалеи аҭоурыхтә тәылақәа рылеи]] [[Акатегориа:Арҵаҩцәа атәылақәа рыла| ҭоурыхтә]] [[Акатегориа:Аҵара аҭоурыхтә тәылақәа рыла|+рҵаҩцәа]]» 170983 wikitext text/x-wiki {{Аконтеинер акатегориа}} {{DEFAULTSORT:рҵаҩцәа аҭоурыхтә тәылақәа рыла}} [[Акатегориа:Ауаа рзанааҭ ҳасабалеи аҭоурыхтә тәылақәа рылеи]] [[Акатегориа:Арҵаҩцәа атәылақәа рыла| ҭоурыхтә]] [[Акатегориа:Аҵара аҭоурыхтә тәылақәа рыла|+рҵаҩцәа]] brkl2stv8p8x4kscc1umcg3odc1cz6e Акатегориа:Аҵара аҭоурыхтә тәылақәа рыла 14 55267 170984 2026-08-04T13:39:13Z Fraxinus.cs 8381 Новая страница: «{{Аконтеинер акатегориа}} {{DEFAULTSORT:ҵара аҭоурыхтә тәылақәа рыла}} [[Акатегориа:Аҵара атәылақәа рыла|*ҭоурыхтә]] [[Акатегориа:Акатегориақәа аҭоурыхтә тәылақәа рыла]] [[Акатегориа:Ауаажәларра аҭоурыхтә тәылақәа рыла| ҵара]] Акатегориа:Аҵара аҭоурых атәылақ...» 170984 wikitext text/x-wiki {{Аконтеинер акатегориа}} {{DEFAULTSORT:ҵара аҭоурыхтә тәылақәа рыла}} [[Акатегориа:Аҵара атәылақәа рыла|*ҭоурыхтә]] [[Акатегориа:Акатегориақәа аҭоурыхтә тәылақәа рыла]] [[Акатегориа:Ауаажәларра аҭоурыхтә тәылақәа рыла| ҵара]] [[Акатегориа:Аҵара аҭоурых атәылақәа рыла|.ҭоурыхтә тәылақәа]] jm6qk841ri1c4oib375h1wmthr77z1x Акатегориа:Аҵара аҭоурых атәылақәа рыла 14 55268 170985 2026-08-04T13:41:54Z Fraxinus.cs 8381 Новая страница: «{{Commons category|History of education by country}} {{DEFAULTSORT:ҵара аҭоурых атәылақәа рыла}} [[Акатегориа:Аҵара аҭоурых| тәылақәа]] [[Акатегориа:Аҵара атәылақәа рыла| ҭоурых]] [[Акатегориа:Аҭоурых амаҭәар алеи атәылақәа рылеи]] [[Акатегориа:Асоциалтә ҭоурых атәылақәа рыла| ҵара]]» 170985 wikitext text/x-wiki {{Commons category|History of education by country}} {{DEFAULTSORT:ҵара аҭоурых атәылақәа рыла}} [[Акатегориа:Аҵара аҭоурых| тәылақәа]] [[Акатегориа:Аҵара атәылақәа рыла| ҭоурых]] [[Акатегориа:Аҭоурых амаҭәар алеи атәылақәа рылеи]] [[Акатегориа:Асоциалтә ҭоурых атәылақәа рыла| ҵара]] rkfhwkvzrm1a8pzizrdzucwzzn4mdtz 170986 170985 2026-08-04T13:42:14Z Fraxinus.cs 8381 170986 wikitext text/x-wiki {{Commons category|History of education by country}} {{Аконтеинер акатегориа}} {{DEFAULTSORT:ҵара аҭоурых атәылақәа рыла}} [[Акатегориа:Аҵара аҭоурых| тәылақәа]] [[Акатегориа:Аҵара атәылақәа рыла| ҭоурых]] [[Акатегориа:Аҭоурых амаҭәар алеи атәылақәа рылеи]] [[Акатегориа:Асоциалтә ҭоурых атәылақәа рыла| ҵара]] ghmi3r6h7wrrphzzqxop6fpkqqmoy6e Акатегориа:Асовет Еидгыла иҟаз аҵара 14 55269 170987 2026-08-04T13:45:27Z Fraxinus.cs 8381 Новая страница: «{{Commonscat|Education in the Soviet Union}} {{Cat main}} {{category see also|Урыстәыла иҟоу аҵара|Украина иҟоу аҵара}} {{DEFAULTSORT:совет Еидгыла иҟаз аҵара}} [[Акатегориа:Асоветтә Социалисттә Республикақәа Реидгыла|ҵара]] [[Акатегориа:Аҵара аҭоурыхтә тәылақәа рыла]] Акатегориа:Аҵара европ...» 170987 wikitext text/x-wiki {{Commonscat|Education in the Soviet Union}} {{Cat main}} {{category see also|Урыстәыла иҟоу аҵара|Украина иҟоу аҵара}} {{DEFAULTSORT:совет Еидгыла иҟаз аҵара}} [[Акатегориа:Асоветтә Социалисттә Республикақәа Реидгыла|ҵара]] [[Акатегориа:Аҵара аҭоурыхтә тәылақәа рыла]] [[Акатегориа:Аҵара европатәи атәылақәа рыла]] [[Акатегориа:Аҵара азиатәи атәылақәа рыла]] gmk9fvmmtxvon1dfg5bo61zvo9ro6ls Акатегориа:Урыстәылатәи Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиеи уи аԥхьа иҟаз академиақәеи ракадемикцәа 14 55270 170995 2026-08-04T13:54:26Z Fraxinus.cs 8381 Новая страница: « [[Акатегориа:Урыстәыла аҳәынҭқарратә ҭҵаарадыррақәа ракадемиақәа ракадемикцәа]] [[Акатегориа:Урыстәылатәи Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиеи уи аԥхьа иҟаз академиақәеи рылахәылацәа| академикцәа]] Акатегориа:Урыстәыла аҭҵаарадырратәи аҵарадырратәи уаажә...» 170995 wikitext text/x-wiki [[Акатегориа:Урыстәыла аҳәынҭқарратә ҭҵаарадыррақәа ракадемиақәа ракадемикцәа]] [[Акатегориа:Урыстәылатәи Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиеи уи аԥхьа иҟаз академиақәеи рылахәылацәа| академикцәа]] [[Акатегориа:Урыстәыла аҭҵаарадырратәи аҵарадырратәи уаажәларрақәа рылахәылацәа]] 30ok8w17b9cgef2e165088sg7zpw4wp Акатегориа:Урыстәыла аҳәынҭқарратә ҭҵаарадыррақәа ракадемиақәа ракадемикцәа 14 55271 170996 2026-08-04T13:57:57Z Fraxinus.cs 8381 Новая страница: « [[Акатегориа:Урыстәылатәи академикцәа| ]] [[Акатегориа:Урыстәыла аҳәынҭқарратә ҭҵаарадыррақәа ракадемиақәа|*]] [[Акатегориа:Амилаҭтә академиақәа рылахәылацәа]]» 170996 wikitext text/x-wiki [[Акатегориа:Урыстәылатәи академикцәа| ]] [[Акатегориа:Урыстәыла аҳәынҭқарратә ҭҵаарадыррақәа ракадемиақәа|*]] [[Акатегориа:Амилаҭтә академиақәа рылахәылацәа]] 1jdy8q0zs7bg9zywwyi3gudrngmc6ur Акатегориа:Урыстәылатәи академикцәа 14 55272 170997 2026-08-04T14:04:32Z Fraxinus.cs 8381 Новая страница: «{{category explanation|[[Academician]]s (Full Members) of National Academies and non-governmental academies of Russia}} {{category see also|Урыстәылатәи аимпериа аҟынтәи академикцәа|Асовет Еидгыла академикцәа}} [[Акатегориа:{{Title country}} иҟоу академиақәа| академикцәа]] [[Акатегориа:Академикцәа атәылақәа рыла]] Акате...» 170997 wikitext text/x-wiki {{category explanation|[[Academician]]s (Full Members) of National Academies and non-governmental academies of Russia}} {{category see also|Урыстәылатәи аимпериа аҟынтәи академикцәа|Асовет Еидгыла академикцәа}} [[Акатегориа:{{Title country}} иҟоу академиақәа| академикцәа]] [[Акатегориа:Академикцәа атәылақәа рыла]] [[Акатегориа:{{Title country}} арҵаҩцәа|академикцәа]] [[Акатегориа:Урыстәыла инхо ауаа рзанааҭ ҳасабала|академикцәа]] r4ystdw1d9donasboedlb1riqxeryzo 170999 170997 2026-08-04T14:07:38Z Fraxinus.cs 8381 170999 wikitext text/x-wiki {{category explanation|[[Academician]]s (Full Members) of National Academies and non-governmental academies of Russia}} {{category see also|Урыстәылатәи аимпериа аҟынтәи академикцәа|Асовет Еидгыла академикцәа}} [[Акатегориа:{{Title country}} иҟоу академиақәа| академикцәа]] [[Акатегориа:Академикцәа атәылақәа рыла]] [[Акатегориа:{{Title country}}тәи арҵаҩцәа|академикцәа]] [[Акатегориа:Урыстәыла инхо ауаа рзанааҭ ҳасабала|академикцәа]] b07hc9squh663hgj2ua2m0mfaolzxta Акатегориа:Урыстәылатәи арҵаҩцәа 14 55273 170998 2026-08-04T14:06:23Z Fraxinus.cs 8381 Новая страница: «{{Commonscat|Educators from Russia}} {{Fooian fooers| |Profession=Арҵаҩцәа |Nationality=Аурысцәа |NationalityWithSuffix=Урыстәылатәи |Country=Урыстәыла }} [[Акатегориа:{{Title country}} иҟоу аҵара|+рҵаҩцәа]]» 170998 wikitext text/x-wiki {{Commonscat|Educators from Russia}} {{Fooian fooers| |Profession=Арҵаҩцәа |Nationality=Аурысцәа |NationalityWithSuffix=Урыстәылатәи |Country=Урыстәыла }} [[Акатегориа:{{Title country}} иҟоу аҵара|+рҵаҩцәа]] mji8bn2okv908wncm44m4tu9j1vkrj0 171000 170998 2026-08-04T14:07:54Z Fraxinus.cs 8381 Fraxinus.cs переименовал страницу [[Акатегориа:Урыстәыла арҵаҩцәа]] в [[Акатегориа:Урыстәылатәи арҵаҩцәа]] без оставления перенаправления 170998 wikitext text/x-wiki {{Commonscat|Educators from Russia}} {{Fooian fooers| |Profession=Арҵаҩцәа |Nationality=Аурысцәа |NationalityWithSuffix=Урыстәылатәи |Country=Урыстәыла }} [[Акатегориа:{{Title country}} иҟоу аҵара|+рҵаҩцәа]] mji8bn2okv908wncm44m4tu9j1vkrj0 Акатегориа:Урыстәылатәи Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиеи уи аԥхьа иҟаз академиақәеи рылахәылацәа 14 55274 171001 2026-08-04T14:11:16Z Fraxinus.cs 8381 Новая страница: «* '''Шәахә. иара убас [http://www.ras.ru/members/personalstaff.aspx асиа]'''. [[Акатегориа:Урыстәылатәи Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиеи уи аԥхьа иҟаз академиақәеи| лахәылацәа]]» 171001 wikitext text/x-wiki * '''Шәахә. иара убас [http://www.ras.ru/members/personalstaff.aspx асиа]'''. [[Акатегориа:Урыстәылатәи Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиеи уи аԥхьа иҟаз академиақәеи| лахәылацәа]] pf7ogotxay8elcnq24w6v1c2rlsw2k3 Акатегориа:Урыстәыла аҭҵаарадырратәи аҵарадырратәи уаажәларрақәа рылахәылацәа 14 55275 171002 2026-08-04T14:13:23Z Fraxinus.cs 8381 Новая страница: «{{Commonscat|Members of learned societies of Russia}} [[Акатегориа:{{Title country}} аҭҵаарадырратәи аҵарадырратәи уаажәларрақәа| лахәылацәа]] [[Акатегориа:Аҭҵаарадырратәи аҵарадырратәи уаажәларрақәа рылахәылацәа атәылақәа рыла]] Акатегориа:{{Title country}}тәи академикцәа|ҭҵаарадыррат...» 171002 wikitext text/x-wiki {{Commonscat|Members of learned societies of Russia}} [[Акатегориа:{{Title country}} аҭҵаарадырратәи аҵарадырратәи уаажәларрақәа| лахәылацәа]] [[Акатегориа:Аҭҵаарадырратәи аҵарадырратәи уаажәларрақәа рылахәылацәа атәылақәа рыла]] [[Акатегориа:{{Title country}}тәи академикцәа|ҭҵаарадырратәи аҵарадырратәи уаажәларрақәа]] rnx8ewuugfhyn3o65700hyar9wuppjp 171003 171002 2026-08-04T14:13:53Z Fraxinus.cs 8381 171003 wikitext text/x-wiki {{Commonscat|Members of learned societies of Russia}} {{Аконтеинер акатегориа}} [[Акатегориа:{{Title country}} аҭҵаарадырратәи аҵарадырратәи уаажәларрақәа| лахәылацәа]] [[Акатегориа:Аҭҵаарадырратәи аҵарадырратәи уаажәларрақәа рылахәылацәа атәылақәа рыла]] [[Акатегориа:{{Title country}}тәи академикцәа|ҭҵаарадырратәи аҵарадырратәи уаажәларрақәа]] h091ep9bitzwcybdn8slf6qpto7363c Акатегориа:Асовет атеистцәа 14 55276 171004 2026-08-04T14:19:04Z Fraxinus.cs 8381 Новая страница: «{{Commons category|Atheists from the Soviet Union}} {{DEFAULTSORT:совет атеистцәа}} [[Акатегориа:Атеистцәа атәылақәа рыла]] [[Акатегориа:Асовет уааԥсыра адинхаҵарақәа рыла|атеистцәа]] [[Акатегориа:Асовет Еидгыла иҟаз атеизм|атеистцәа]]» 171004 wikitext text/x-wiki {{Commons category|Atheists from the Soviet Union}} {{DEFAULTSORT:совет атеистцәа}} [[Акатегориа:Атеистцәа атәылақәа рыла]] [[Акатегориа:Асовет уааԥсыра адинхаҵарақәа рыла|атеистцәа]] [[Акатегориа:Асовет Еидгыла иҟаз атеизм|атеистцәа]] 23t9062lo5pji2i8kiv25q4qlqayk0l Клеопатра 0 55278 171011 2026-08-04T21:39:21Z Nart17 17397 Аиҭагара [[:ru:Клеопатра]] аҟынтәи (CC BY-SA 4.0; авторцәа — аҭоурых аҿы). Аиҭагаҩ: Астанда Кецба. Nart17 translation team. 171011 wikitext text/x-wiki {{Акарточка аполитик | ахьӡ = Клеопатра VII | афото = Bust of Cleopatra VII - Altes Museum - Berlin - Germany 2017.jpg | ахҵара = [[Шершель|Мавретаниатәи Цезараа]] рҟынтәи Клеопатра VII лбиуст. [[Берлинтәи антикатә еизгарҭа]] | амаҵура = [[Ажәытә Мысра|Мысра аҳкәажә]] | инаркны = ҳ. ҟ. 51 | рҟынӡа = ҳ. ҟ. 30 | аԥхьа иҟаз = [[Птолемеи XII Неос Дионис|Птолемеи XII]] | аҭынха = [[Октавиан Август]] ([[Римтәи Мысра]] анапхгаҩы иаҳасабала) | ажәла = [[Птолемеиаа|Птолемеиаа]] | ахаҵа = * 1-тәи: [[Птолемеи XIII]] * 2-тәи: [[Птолемеи XIV]] * 3-тәи: [[Марк Антони]] | ахәыҷқәа = * [[Птолемеи XV Цезарион|Птолемеи XV Цезарион]] * [[Александр Гелиос]] * [[Птолемеи Филадельф|Птолемеи Филадельф]] * [[Клеопатра Селена II]] | ани аби = [[Птолемеи XII Неос Дионис|Птолемеи XII]], [[Клеопатра V]] }} '''Клеопатра VII Филопатор''' (ажәытә бырзенбызшәала Κλεοπάτρα Φιλοπάτωρ, копт. Ⲕⲗⲉⲱⲡⲁⲧⲣⲁ Ⲫⲓⲗⲟⲡⲁⲧⲱⲣ;) — [[Македониа|Македониатәи]] [[Птолемеиаа]] (Лагидцәа) рдинасти иалҵыз рахьтә [[Еллинтәи Мысра|еллинтәи Мысра]] аҵыхәтәантәи аҳкәажә. Лара деицырдыруа дҟалеит римтәи ар рԥыза [[Марк Антони]] иахь илымаз адрама зхылҿиааз абзиабара аҭоурых ала. Лара лаҳкәажәра аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы [[Римтәи аимпериа|Рим]] анапахьы иаанагеит Мысра, Клеопатра [[Клеопатра лҽылшьра|лхаҭа лҽылшьит]], [[Октавиан Август|Октавиан]] тәыс дҟаимҵарц азы. Лара акиноқәеи алитературатә ҩымҭақәеи рҿы зегь реиҳа еицырдыруа ажәытәӡатәи аперсонажқәа дыруаӡәкын, иахьагьы убарҭ дреиуоуп. == Азеиԥш дырраҭара == Клеопатра VII инеиԥынкылан 22 шықәса Мысра анапхгара алҭон, лашьцәа лыцхантәаҩцәан (дара традициала формалла иагьылхацәан) [[Птолемеи XIII]], [[Птолемеи XIV]], анаҩс [[Ажәытә Рим|римтәи]] ар рԥыза [[Марк Антони]] ԥҳәысс диман. Лара лоуп Рим анапахьы иаанагаанӡа, Мысра зхы иақәиҭыз аҵыхәтәантәи напхгаҩыс иҟаз. Лареи [[Гаи Иулии Цезар|Иули Цезар]]и, анаҩс лареи Марк Антонии ирыбжьаз абзиабара абзоурала зегьы деицырдыруа дҟалеит. Иҟалап Цезар иҟынтәи [[Птолемеи XV Цезарион|Цезарион]] захьӡыз аԥа дылхылҵзар, Антони иҟынтә- ҩыџьа аԥацәеи ԥҳаки<ref>''[[Пастухов, Пётр Иванович|Пастухов П. И.]]'' «Лукреция, Клеопатра и Прозерпина».</ref>. Клеопатра илызку ахыҵхырҭақәа — [[Плутарх]], [[Светони]], [[Аппиан]], [[Дион Кассии]], [[Иосиф Флавии]]. Лара илызку ажәытәӡатәи аҭоурыхҭҵаарақәа раӷьырак лыхьӡ ҭызгақәо иреиуам; иҟоуп агәаанагара, Клеопатра лаҳаҭыр лазырҟәуаз Мысра знапахьы иаазгаз [[Октавиан Август|Октавиан]]и иааикәыршаны иҟаз ауааи роуп ҳәа, урҭ рымч зегь азыркит аҳкәажә лыхьӡ арцәгьара, даадырԥшит ишәарҭоу Рим аӷа лакәны, уи азмырхакәа Марк Антони игени бааԥс лакәынгьы. Аха аҭоурыхҭҵааҩцәа џьоукы агәаанагара аадырԥшуеит лара илзырҳәоз иашаҵәҟьан ҳәа, акаҳԥреи агьангьашреи лылан ҳәа. Иаҳҳәап, IV-тәи ашәышықәсазы инхоз римтәи аҭоурыхдырҩы [[Секст Аврели Виктор|Аврели Виктор]] Клеопатра илызкны иҟаиҵаз аҳәамҭа еиқәханы иҟоуп: ''«Уи дыԥхамшьан, лассы-лассы длаԥсуан, акырӡа дыԥшӡан, аӡәырҩы ахацәа уахы заҵәык иадамхаргьы илызнеирц азы рыԥсҭазаара ахҭнырҵон»''<ref>Аврелий Виктор, «О знаменитых людях», 86</ref>. == Ахылҵшьҭра == {{main|Птолемеиаа}} [[Файл:Ptolemy XII Auletes Louvre Ma3449.jpg|мини|200px|left|Птолемеи XII Авлет имармалташьтә биуст. [[Лувр]] амузеи. [[Париж]]]] Клеопатра диит 69 азы, ҳ. ҟ. (официалла [[Птолемеи XII Неос Дионис|Птолемеи XII]] аҳра аниуаз 12-тәи ашықәс азы), иҟалап, [[Александриа]]. Лара аҳ Птолемеи XII Авлет хҩык (еицырдыруа) иԥҳацәа дыруаӡәкуп, иҟалап ауадалықԥҳәыс дылхылҵзар, избан акәзар, [[Страбон]] ишазгәеиҭоз ала, уи аҳ изакәантәыз ԥҳа заҵәык лакәын имаз — [[Береника IV]], ҳ. ҟ. 58—55 шықәсқәа рзтәи аҳкәажә. Клеопатра лхәыҷреи лқәыԥшреи ирызкны акгьы еилкааӡам. Ҳәарада, лара даара анырра лынаҭеит ҳ. ҟ. 58—55 шықәсқәа рзы иҟалаз аилаҩынтра, лаб аҳ дахҳәаны, Мысра данықәырца, иԥҳа (Клеопатра лаҳәшьа) Береника аҳкәажәс даныҟала. Рим Шьамтәыла ахаҭарнак [[Авл Габинии|Габинии]] имчқәа рыла Птолемеи XII иаҳратәра андырхынҳә, Птолемеи XII ауаҩшьрақәеи, арепрессиақәеи рахь диасуеит (урҭ ирылҵшәаны Береникагьы дҭахоит). Уи иахҟьаны иара театркьанџьак еиԥш изныҟәо иалагеит, Римтәи амчра абзоурала акәхеит аҳ иҭыԥаҿ даанызкылоз, Рим Мысра атәыла афинансқәа ахьалнацәцәаауаз акала дзаԥырхагахомызт. Лаб иаҳраан аҭыԥ змаз ауадаҩрақәа рҵагахеит ԥхьаҟа иаҳкәажәхаран иҟаз лзы, лара алшарақәа зегьы лхы иалырхәеит лаӷацәеи лымҩа иаԥгылази рықәгаразы. Иаҳҳәап, лашьа еиҵбы [[Птолемеи XIII]] [[Ҳ. ҟ. 44|ҳ. ҟ. 44]] шықәсазы, уи ашьҭахь лаҳәшьа [[Арсиноиа IV]]. == Аҭеиҭыԥши ахаҭареи == [[Файл:Venus and Cupid from the House of Marcus Fabius Rufus at Pompeii, most likely a depiction of Cleopatra VII (2).jpg|мини|[[Помпеи]]атәи аҭыӡсахьа, ҳ. ҟ. 46 шықәса инарзынаԥшуа. Иҟалап Клеопатреи [[Птолемеи XV Цезарион|Цезарион]]и рпортреҭ акәзар]] Иаанымхеит зыгәра угартә иҟоу, ииашаны, аидеализациа ҟамҵакәа, Клеопатра лҭеиҭыԥш аазырԥшуа сахьак. [[Алжир]] иҟоу [[Шершель]] ақалақь аҟны (ажәытәтәи ақалақь), аԥхасҭа зауз абиуст, Клеопатра лыԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь иаԥҵан, иара Марк Антонии лареи рыԥҳа [[Клеопатра Селена II]] [[Мавретаниа]] аҳ [[Иуба II]] дахьицца аҳаҭыразы иҟаҵан, уи Клеопатра аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзтәи лҭеиҭыԥш аанарԥшуеит, аха џьоукы ари абиуст Клеопатра Селена II лхаҭа лтәоуп ҳәа рыԥхьаӡоит. Клеопатра VII илыдыркылоит еллинтәи абиустқәа, иқәыԥшу, абырзенцәа рхы-рҿқәа змоу аҳәса ԥшӡақәа аазырԥшуа, аха абиустқәа модельқәас ирымақәаз рхаҭарақәа иалкааӡам. Иҟоуп агәаанагара, Клеопатра VII лсахьа зныԥшуа абиустқәа [[Берлинтәи антикатә еизгарҭа]]ҿы,насгьы [[Ватикантәи амузеиқәа|Ватикантәи амузеи]] аҿы иҵәахуп ҳәа, аха аклассикатә ҭеиҭыԥш аидеализациа азуп ҳәа агәыҩбара цәырҵуеит. Ԥыҭҩык аҵарауаа агәаанагара аадырԥшуеит, [[Есквилинтәи Венера]] ҳәа изышьҭоу аҳатәара Клеопатра Рим даныҟаз иҟарҵеит ауп ҳәа. Аԥара ҿырпқәа ирну апрофильқәа рҿы дарбоуп зхахәы ҳәуа, зыблақәа дуу, зыцламҳәа маҷк ԥхьаҟа иаагоу, зԥынҵа ҭархәо аԥҳәыс ([[Птолемеиаа]] рышьҭра ахаҭарнакцәа ишырҟазшьоу еиԥш). Даҽа ганкахьалагьы, идыруп, Клеопатра амч ду змаз ԥхаррак шлыҵаз,иаразнак улахь дшааиуаз, ларгьы уи лхы иалырхәон, уи адагьы, абжьы хаа лхан, лыхшыҩ ҵаулан, иҵарын. Клеопатра лпортреҭқәа збахьаз [[Плутарх]] иҩуеит: <blockquote> ''Избан акәзар, абри аԥҳәыс лыԥшӡара зеиԥшыҟам ҳәа изышьҭоу, убла шаалықәшәалак узыршанхо акәмызт, аха лцәажәашьа ссирын, убри аҟнытә лҭеиҭыԥш зегьы ухнахуан, насгьы илҳәозгьы агәра угон, лажәақәа роума, лныҟәашьа аума, зегь рыла далукаауан, убри аҟынтә лара угәаҵанӡа днеиуан. Лыбжьы ашьҭыбжьқәа хааӡа ауаҩы илымҳа иҭыҩуан, лыбыз иарбан цәажәашьахкызаалак ирԥшӡан иаазырԥшуа, арахәыц рацәа змоу амузыкатә инструмент еиԥшын»<ref>Плутарх, «Антоний», 27</ref> </blockquote> Усҟантәи аамҭаз абырзенқәа рыԥҳацәа рааӡара усҟак хьаас ирымамызт, аҳцәа рҭаацәарақәа рҿгьы ус иҟан, аха Клеопатра аҵара ду лдырҵеит, уи ԥсабарала илылаз аҟәыӷара ианацла, алҵшәа бзиақәа аанагеит. Клеопатра ииашаҵәҟьаны аҳкәажә- [[Аполиглот|аполиглот]] лакәхеит, лара лхатәы бызшәа инаҷыданы ([[Койне|еллинтәа аамҭазы иҟаз абырзен бызшәа]]) анаҩсгьы, илдыруан [[Египеттәи абызшәа|мысраа рбызшәа]] (лдинастиа аҟынтә раԥхьа лара лоуп уи аҵара зылзыршаз, иҟалап [[Птолемеи VIII|Птолемеи VIII Фискон]] дналамҵакәа), [[Арамеитәи абызшәақәа|арамеи]]тәи, [[Агеез|агеез]]тәи (ажәытә ефиоптәи абызшәа), [[Ажәытә аџьамбызшәа|ажәытә аџьамбызшәа]], [[Ажәытә ауриа бызшәа|ажәытә ауриа бызшәе]]и [[Берберцәа рбызшәақәа|аберберцәа рбызшәе]]и ([[Ажәытәтәи Ливиа|ажәытәтәи Ливиа]] аладахьы инхоз ажәлар). Лара лбызшәадыррақәа [[Алаҭын бызшәа|алаҭын бызшәа]]гьы аҵанакит, аха аҵара змаз римаа, [[Гаи Иулии Цезар|Цезар]] иеиԥш иҟаз, рхаҭақәа абырзен бызшәа бзиаӡаны ирдыруан. === Ахьӡ === {| class="wikitable" |- ! colspan="2" scope="colgroup" | Ахьӡ ахкы ! scope="colgroup" | Аиероглифтә ҩыра !Атранслитерациа !Ахыҵх. |- | rowspan="2" style="text-align:center" | '''«Ахор ахьӡ»'''([[Хор (амифологиа)|Хор]] иеиԥш) | rowspan="2" | <hiero>G5</hiero> | <hiero>G36:D21-V30-F35*F35*F35-H2:Aa1-O22</hiero> | ''wr(t) nb(t)-nfrw ȝḫ(t)-zḥ.'' |<ref>C.R.Lepsius, Denkmäler aus Aegypten und Aethiopien, 12 Bde., Berlin 1849-59. -IV 65a.</ref> |- | <hiero>G36*X1:D21-X1:V1:X1-A53-N35:X2*X1:O34</hiero> | ''wrt twt-n-jt.s.'' |<ref>C.R.Lepsius, Denkmäler aus Aegypten und Aethiopien, Text, Hrsg. v. E.Naville und K. Sethe, 5 Bde., Leipzig 1897—1913 — IV 4(α).</ref> |- | rowspan="2" style="text-align:center" | '''«Ахатә хьӡы»'''([[Ра]] иԥҳа лаҳасабала) | rowspan="2" | <hiero>zA-ra:H_SPACE</hiero> | <hiero>N29:E23-V1:Q3-D46:D21:X1*H8-U22:X1-O34:N36-</hiero> | ''qrwwpdr.t'' Ep. ''nṯrt mr(t)-jt.s. (Κλεοπάτρα θέά φιλοπάτωρ)'' |<ref>C.R.Lepsius, Denkmäler aus Aegypten und Aethiopien, Text, Hrsg. v. E.Naville und K. Sethe, 5 Bde., Leipzig 1897—1913 — IV 3.</ref> |- | <hiero>N29:E23-M17-V4-Q3-G1-D46:D21-G1-X1:H8-</hiero> | ''qrwjwȝpȝdrȝ.t'' |<ref name="autogenerated1">H.Brugsch, Thesaurus Inscriptionum Aegyptiacarum, 6 Bde., Leipzig 1883-91 —879.</ref> |- | rowspan="2" style="text-align:center" | Аепитет | rowspan="2" | | <hiero>X1:H8-R8-X2:X1-S29-N36</hiero> | ''nṯrt mr(t) jt.s.'' |<ref name="autogenerated1" /> |- | <hiero>X1-R8-X1:H8-X1:I9-O34:N36</hiero> | ''nṯrt mr(t) jt.s.'' |<ref>C.R.Lepsius, Denkmäler aus Aegypten und Aethiopien, 12 Bde., Berlin 1849-59. -IV 53a.</ref> |} == Аҳәынҭқар итәарҭахь амҩа == Птолемеи XII, ҳ. ҟ. 51 шықәса хәажәкырамзазы иԥсҭазаара далҵит, уи иуасиаҭ ала аҳ иҭыԥ Клеопатреи уи аамҭазы 9 шықәса раҟара зхыҵуаз лашьа еиҵбы [[Птолемеи XIII]]-и рахь иасуан, ешьеи еҳәшьеи формалла аҭаацәара аԥырҵеит, избанзар ажәытәтәи Мысратәи аҵас инақәыршәаны, аиашьа иаҳәшьа ԥҳәысс дигар акәын. Птолемеиаа рышьҭраҿы аӡӷабцәа зегьы Клеопатра рыхьӡын, аҷкәынцәа — Птолемеи. Клеопатра лашьа-лхаҵа иаҵкыс деиҳабын, убри аҟнытә регент ԥҳәысс дҟалеит. Лара 18 шықәса анлыхыҵуаз, Рим ақәыршаҳаҭны, аҳ иҭыԥ дахагылеит, Θέα Φιλοπάτωρ (Теа Филопатор) ҳәа официалла ахьӡ лыҭаны, даҽакала иуҳәозар, аб бзиа дызбо анцәарҭыԥҳа (ҳ. ҟ. 51 шықәсазтәи астела иану аҩыра аҟынтә). Лаҳра раԥхьатәи хышықәса аамҭа мариамызт, избанзар [[Нил]] аӡхыҵра ахьмаҷыз иахҟьаны ҩышықәса ирылагӡаны аҽаҩра ҟаломызт. Ацнапхгаҩцәа аҳра руа ианалага, иаразнак аганқәа маӡала еиҿагыло иалагеит. Раԥхьа Клеопатра,лашьа қәыԥш наҟ днаиханы, лхала анапхгара ҟалҵон, аха нас иара амчра инапахьы иааигарц далагеит, аевнух [[Потин]] ( иара уаанӡа аҳәынҭқарра напхгара аиҭошәа дыҟан), акомандаҟаҵаҩ Ахилл, насгьы дзааӡаз [[Теодот]] ([[Хиос]]тәи [[Аоратор|ариторик]] рыцхыраарала). ҳ. ҟ. 50 шықәса жьҭаарамза 27 рзтәи адокумент аҿы Птолемеи ихьӡ инаҵшьны аԥхьа игылоуп. ҳ. ҟ. 48 шықәса аԥхынразы [[Шьамтәыла]]ҟа ибналаз Клеопатра, уаҟа ар еизганы, уи ар хадара азуны, Мысра аҳәааҿы дааины дгылеит, [[Пелусии]] абаа азааигәара; иара уаҟаҵәҟьа ар дрыцны дааины лашьагьы дгылеит, иаҳәшьа атәыла даламҵарц азы. Еиҭакратә моментны иҟалеит Мысраҟа ибналаз римтәи асенатор Помпеи Птолемеи идгылаҩцәа даныршьыз аамҭа. == Клеопатреи Цезари == [[Файл:Cleopatra and Caesar by Jean-Leon-Gerome.jpg|мини|250px|«[[Клеопатреи Цезари (асахьаҭыхымҭа)|Клеопатреи Цезари]]». Асахьаҭыхҩы [[Жером, Жан-Леон|Жан-Леон Жером]] иҭыхымҭа ([[1866]] ш.)]] Уи аамҭазы аиҿагылара иаланагалеит Рим. [[Фарсал]] азааигәара [[Гаи Иулии Цезар|Иули Цезар]] [[Гнеи Помпеи Ду|Помпеи]] дииааит, Помпеи ҳ. ҟ. 48 шықәса рашәарамза алагамҭазы Мысра дыӡхыҵуеит, Мысратәи аҳ ицхыраара даҳәоит. Птолемеи XIII қәыԥш, ииашаны иаҳҳәозар, иабжьгаҩцәа, аиааира згаз рҟынтә феида роурц азы, Помпеи ишьразы адҵа ҟарҵоит. Помпеи Мысра адгьыл ишьапы шаақәиргылаз, иааикәыршаны иҟаз зегьы рыла ишабоз дҭадырхеит (ҳ. ҟ. 48 шықәса цәыббрамза 28 рзы). Аха аҳ агха ихьит: ҩымш рышьҭахь Помпеи дишьҭаланы Мысра инеиз Цезар, уи дахьҭадырхаз игәы ԥнажәнеит, Помпеи ихы Александриа аҭӡамцқәа рзааигәара ҳаҭырла анышә иарҭартә иҟаиҵеит, анаҩс уаҟа [[Немезида]] лыԥшьаҭыԥ иргылеит. Цезар Мысра даннеи ихазынаҭра хаирҭәаарц иҽазишәеит, Птолемеи XII аҳра архынҳәра данашьҭаз римтәи абанкир Рабири иҟны иҟаиҵаз ауалқәа рхархәарала, Цезар урҭ иара итәитәырц далагеит. Светонии иҩуеит, Цезар Мысра Римтәи провинцианы аҟаҵара ''«изымгәаӷьит»'' ҳәа, ''« зеиҿырцаа бзиоу хаҭарнакык инапахьы иааимгарц азы [амал ду змаз апровинциа] »''. Убри аан Цезар аҳцәа рыбжьара иҟаз аимак-аиҿак аҿы [[Аӡбаҩ|ӡбаҩ]]ыс дыҟазарц шиҭаху рылеиҳәеит. Птолемеи XIII усгьы ииашаҵәҟьаны напхгаҩыс дыҟан, насгьы Помпеи дазхаиҵахьан; убри аҟынтә, Цезар Клеопатра лышҟа азҿлымҳара ааирԥшит, избанзар уи амчра лиҭар кьанџьаҵас ииҭаху лылаигӡалар илшоит ҳәа иԥхьаӡеит. Мысраҟа данаа хара имгакәа, иара Клеопатра Александриаҟа длыԥхьоит. Птолемеи иуаа ирыхьчоз аҳҭнықалақь ахь анеира ус мариамызт; уи аус анагӡараҿы Клеопатра длыцхрааит лара бзиа дызбоз сицилиатәи [[Аполлодор Сицилиатәи|Аполлодор]], уи аҳкәажә маӡала аԥсыӡ зларкуаз анышь ала дигеит, анаҩс Цезар иуадақәа рахь днаигеит, ацәарҭама иазкыз асакь ду дҭаҵаны (акиносахьақәа рҿы ирԥшӡаны ишаадырԥшуа еиԥш, ауарҳал дылаҵаны акәымкәа, уахәаԥш [[Клеопатра луарҳал]]). Абри афакт иунарбоит аҳкәажә цәеижьыла митәык дшыҟамыз. Клеопатра Римтәи адиктатор диашьаԥкны, даазмырбуаз рзы дашшышуа далагеит, [[Потин]] дишьырц азы агәазыҳәара аалырԥшит. 52 шықәса зхыҵуаз Цезар аҳкәажә қәыԥш даара дигәаԥхеит; уи адагьы, Птолемеи XII иуасиаҭ азыхынҳәра иара ихатә политикатә интересқәа ирықәшәон. Адырҩаҽны шьыжьымҭан Цезар иӡбамҭа атәы жәаха шықәса зхыҵуаз аҳ аниаиҳәа, уи игәы ԥжәаны идиадема ихҳәаны, дыҳәҳәо аҳҭынра ддәылҟьеит, ачарҳәара шизыруз атәы еизаз ауаа иреиҭеиҳәо далагеит. Ари заҳаз ажәлар агәынамӡара аадырԥшуа иалагеит; аха уи аамҭазы Цезар аҳ иуасиаҭ дырзаԥхьан, илиршеит ажәлар реиқәкра. Аха Цезар изы аҭагылазаашьа еиҳа иуадаҩхеит. Иара ицыз ар быжь- нызқьҩык асолдаҭцәа ыҟан; Африка иҭадырхаз Помпеи идгылаҩцәа еизо иалагеит, ари аҭагылазаашьа Птолемеи ипартиа ахаҭарнакцәа Цезар дықәаҳгоит ҳәа агәыӷра рызцәырнагеит. [[Потин]]и Ахилли Александриаҟа ар ааԥхьара рырҭеит; Цезар Потин дахьишьызгьы иаанамкылеит бџьаршьҭыхлатәи ақәгылара. Аруаа ақалақьуаагьы рыдгылеит, римаа ишырҭаху рхы ахьымҩаԥыргоз, ақалақьуаа рмал ахьырцәыргоз иаҿагыланы игылеит. Птолемеи XIII-ии иаҳәшьа Арсиноиеи уахь ибналаны ианнеи еиҳа ргәы шьҭыҵит. Уи иахҟьаны, ҳ. ҟ. 48 шықәса цәыббрамзазы Александриа аҳратә квартал аҿы инхоз Цезар иааикәшан итәеит. Цезари Клеопатреи еиқәдырхеит цхыраара ирзааиз [[Пергамтәи Митридат]] напхгара ззиуаз архәҭақәа. Абунтҟаҵаҩцәа ҳ. ҟ. 47 шықәса ажьырныҳәамза 15 рзы Мареотиатәи аӡиа азааигәара индырҵәеит, аҳ Птолемеи дыбналаны дышцоз Нил дӡааҟәрылеит. Арсиноиа дрытҟәеит, Цезар и[[Атриумф|триумф]]тә ныҟәара дытҟәаны далан. Уи ашьҭахь Цезари Клеопатреи еицны 400 ӷба рыла Нил ихылеит, аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рацәаны имҩаԥыргеит. Клеопатра амчрахь дхынҳәит хәажәкырамза 27 рзы<ref>Ino Nicolaou. Prosopography of Ptolemaic Cyprus. 1976. P. 22.</ref>, егьи лашьа еиҵбы Птолемеи XIV формалла хаҵа диццеит, Римтәи апротекторат аҵаҟа иҟаз Мысра ииашаҵәҟьаны анапхгаҩыс дҟалеит. Апротекторат иахәдықәҵараны иҟалеит Мысра иаанрыжьыз х-[[Римтәи алегион|легион]]к. Цезар данца ашьҭахь хара имгакәа, ҳ. ҟ. 47 шықәса рашәарамза 23 рзы, Клеопатра аԥа длоуеит, уи Птолемеи Цезар ҳәа ихьӡырҵеит, аха [[Птолемеи XV Цезарион|Цезарион]] ҳәа Александриаа ирҭаз ахьӡшьа ала аҭоурых дазынхеит<ref>«Цезарёнок», то есть маленький Цезарь</ref>. Уи Цезар сахьалеи ртәашьалеи даара диеиԥшуп ҳәа азгәарҭон. == Рим аҟазаара == Цезар [[Понттәи аҳра|Понт]] аҳ [[Фарнак II]] диабашьуан, уи ашьҭахь Африка иҟаз Помпеи аҵыхәтәантәи идгылаҩцәа; аибашьрақәа анынҵәа иарзнакҵәҟьа, Клеопатреи лашьеи Римҟа иааԥхьоит (ҳ. ҟ. 46 шықәсазы, аԥхынра), формалла, Рими Мысреи рыбжьара аиҩызара рыбжьарҵарц азы. Клеопатра Тибр аԥшаҳәаҿы ибаҳчақәа ирҭалаҳан иҟаз Цезар ивилла лиҭеит, уаҟа лара илыдылкылон ҳаҭыр лықәҵара иазыццакны инеиуаз римаа дуқәа. Уи ареспубликанеццәа агәынамӡара рызцәырнаго иалагеит, насгьы Цезар иԥсра зырццакыз амзызқәа иреиуахеит. Уи моу, уҳәан-сҳәанны ирылалеит ([[Светони]] ииҳәаз, насгьы зегьы ргәалаҟазаара аазарԥшуаз акәны), Цезар Клеопатра аҩбатәи ԥҳәысыс дҟаиҵарц игәы иҭоуп, аҳҭнықалақь Александриаҟа иигарц иҭахуп ҳәа. Цезар ихаҭа адҵа ҟаиҵеит ахьӡы зхьыршаз Клеопатра лҳатәара Венера Ахацыркҩы лныҳәарҭаҿы идыргыларц (иара дызҵанакуаз Иулиаа рышьҭра, амиф ишаҳәоз ала, Венера илхылҵит). Ус шакәызгьы, Цезар иуасиаҭшәҟәы Цезарион иӡбахә ҳәа акгьы анӡамызт, убри алагьы уи иԥа шиакәыз шьақәимырӷәӷәаӡеит. == Асуверентә напхгара == Цезар [[Гаи Иулии Цезар ишьра|дыршьит ачарҳәара иалҵшәаны]] ҳ. ҟ. 44 шықәса, хәажәкырамза 15 рзы. Мызкы ашьҭахь, мшаԥымза аҽеиҩшамҭаз, Клеопатра Рим аанлыжьит, ԥхынгәымзазы Александриаҟа дааит. Уи ашьҭахь хара имгакәа 14 шықәса зхыҵуаз Птолемеи XIV идунеи иԥсахит. [[Иосиф Флавии]] излеиҳәо ала, иаҳәшьа ашҳам илҭеит: аԥа данлыхша Клеопатра формалла ацнапхгаҩы длоуит. Ари аҭагылазаашьаҿы изызҳауаз лашьа зынӡа дмыцхәын. ҳ. ҟ. 43 шықәсазы Мысра амлакра ҟалеит, ҩышықәса инеиԥынкыланы Нил аӡы хыҵуамызт. Аҳкәажә зегь раԥхьаӡа иргыланы дзызхәыцуаз лаҳҭнықалақь фатәыла аиқәыршәара акәын, ақалақьуаа агәамҵрақәа ирылагахьан. Иҭархаз Цезар иаанижьыз римтәи х-легионк, Мысра иҟанаҵ иаарҭахыз ҟаҵо игәаран. Цезар дызшьыз ганкахьала [[Гаи Кассии Лонгин|Кассии]] [[Марк Иуни Брут|Брут]]и, даҽа ганкахьала иара иҭынхацәа [[Марк Антони|Антони]]и [[Октавиан Август|Октавиан]]и рыбжьара иҟалаз аибашьра аҳкәажә даламӡырц азы, ҟәыӷарыла лхы мҩаԥылгар акәын. Мрагылара Цезар дызшьыз рнапаҿы иҟан: Брут Бырзентәылеи Азиа Хәыҷи анапхгара рзиуан, Кассии Шьамтәыла дтәан. Кипр иҟаз Клеопатра лымчра ахаҭарнак Серапион Касси дицхрааит ԥаралеи аӷбақәеи рыла, ҳәарада аҳкәажә лақәшаҳаҭрала, римтәи лхылаԥшҩы дызшьыз рахь илымаз ацәаныррақәа зеиԥшразаалакгьы. Анаҩс лара официалла Серапион иҟаиҵаз мап ацәылкит. Даҽа ганкахьалагьы, Клеопатра ԥыҭрак ашьҭахь ишылҳәаз ала, ацезарианцәа дрыцхраарц азы аӷбақәа еиқәлыршәеит. ҳ. ҟ. 42 шықәсазы ареспубликанеццәа [[Филиппқәа рҿтәи аибашьра|Филиппқәа]] рзааигәара иҭадырхеит. Аҭагылазаашьа Клеопатра лзы иаразнак аҽаԥсахит. == Клеопатреи Антонии == === Марк Антонии лареи реиқәшәара === [[Файл:Sir Lawrence Alma-Tadema - The Meeting of Antony and Cleopatra.jpg|thumb|250px|[[Антонии Клеопатреи реиԥылара ҳ. ҟ. 41 шықәсазы]]. [[Алма-Тадема, Лоуренс|Лоуренс Алма-Тадема]] исахьаҭыхымҭа, ''1883, ахатәы еизга'']] [[Файл:1963 Cleopatra trailer screenshot (69).jpg|мини|250px|Клеопатра ӷба ԥшӡала Антони иахь дцоит. Акинофильм «[[Клеопатра (афильм, 1963)|Клеопатра]]» аҟынтәи акадр, 1963 ш.]] Клеопатра 28 шықәса лхыҵуан ҳ. ҟ. 41 шықәсазы, 40 шықәса зхыҵуаз римтәи ар рԥызеи лареи анеибадыр. Антони, аҽыр рнапхгаҩык иаҳасабала, ҳ. ҟ. 55 шықәсазы Птолемеи XII иаҳра аиҭашьақәыргыларазы ақәгыларақәа дышрылахәыз дыруп, аха уи аамҭазы урҭ зеиқәымшәазар ҟалап, [[Аппиан]] жәабжьны еиҭеиҳәоит Антони 14 шықәса зхыҵуаз Клеопатра убри аамҭазы дигәаԥхахьан ҳәа<ref>Аппиан, «Гражд. войны», 5.8</ref>. Иҟалап урҭ еибадырзар аҳкәажә Рим даныҟаз аамҭазы, аха 41 шықәсазы еиқәшәаанӡа, ибзианы изеибадыруамызт. Римтәи адунеи аихшараан, ареспубликанеццәа анықәырҳәа ашьҭахь, Антони Мрагылара ирҭеит. Антони Цезар ипроект наигӡарц иӡбеит — апарфианцәа дырҿагылан деибашьырц. Аибашьра иҽазыҟаҵо, иара Александриаҟа аофицар Квинт Делли ддәықәиҵоит, Клеопатра иара иахь [[Киликиа]]ҟа днеирц адҵа лиҭоит. Цезар дызшьыз дрыцхраауан ҳәа лара ахара лыдирҵарц иҭаххеит, иҟалап уи ҽыҵгас иҟаҵаны, аибашьратә ныҟәаразы иахьынӡазалшоз аԥара лымихырц игәы иҭеикзар. Клеопатра, Делли ила Антони иҟазшьа аҷыдарақәа зегьы еилылкааит, зегьы раԥхьаӡа иргыланы аҳәса бзиа ишибоз, ихы шьҭыхны дшыҟаз, адәахьтәи аԥшӡарақәа бзиа ишибоз. Арҭқәа анеилылкаа лара даалаган зыԥрақәа ҟаԥшьеиқәаз, араӡын зхьыршаз ажәҩақәа змаз, зыбзарқьал ахьӡы ахьыршаны иҟаз аӷба дақәтәан дизааит; лара лхаҭа [[Афродита]] лымаҭәа лышәҵаны дақәтәан, лыҩганкгьы рҿы Ерот еиԥшыз аҷкәын хәыҷқәа гылан, аӷба ныҟәырцон анимфқәа рымаҭәақәа зшәыз, лымаҵ зуаз аҭыԥҳацәа. Аӷба Кидн аӡиас ахылан ицон, афлеиҭақәеи акифарақәеи рыбжьы ссири, илаҳа-лаҳауа иҟаз [[Афҩы хаақәа|афҩы хаақәе]]и рго. Анаҩс лара Антони даалыԥхьоит еиҿылкааз аныҳәатә еишәа ду ихы алаирхәырц азы. Арҭқәа зегьы збаз Антони иаразнакала Клеопатра игәы лызцеит. Аҳкәажә илыдырҵоз ахарақәа зегьы уадаҩрада мап рцәылкит. Серапион иҟаиҵақәоз ртәы ҳәа акагьы сыздырӡомызт ҳәа даақәгылеит, лара лхаҭа ацезарианцәа рыцхрааразы афлот шеиқәлыршәаз атәы ралҳәеит, аха уи афлот, рыцҳарас иҟалаз, аԥша ӷәӷәақәа ирыхҟьаны иаанкылан ҳәа азгәалҭеит. Антони Клеопатра игәы шлызцоз ашьақәырӷәӷәаразы, лара иҟалҵаз аҳәарала, [[Ефес]] иҟоу Артемида лныхабаа аҟны зҽыҵәахны итәаз лаҳәшьа [[Арсиноиа IV]] лышьразы адҵа ҟаиҵеит. [[Файл:DebrayCleopatra.jpg|thumb|left|[[Браи, Иан де|Иан де Браи]], ''Антонии Клеопатреи рчаражәра'', 1669]] Абас ала иалагеит жәашықәса ицоз абзиабара аҭоурых, аҭоурых аҿы зегь реиҳа еицырдыруа иреиуақәоу — Антонии лареи реизыҟазаашьақәа рҿы, Клеопатра лпланқәа рынагӡаразы аполитикатә гәҭакы аҭыԥ ахьынӡамаз цқьа ишаҳзымдыруагьы. Иара иганахьала, Антони напхгара зиҭоз ар ду рныҟәгара злаилшоз Мысратәи аԥарақәа рыла акәын. === Лагьидаа рҳәынқарра аиҭашьақәыргылара === Антони, ир ааныжьны, Клеопатра длышьҭаланы Александриаҟа дцеит, уаҟа ҳ. ҟ. 41—40 шықәсқәазтәи аӡын ихигеит, арыжәтәи агәырҿыхарақәеи иҽрыдцало. Клеопатра лакәзар, иахьынӡалылшоз иара длыдҿалҳәаларц лҽазылшәон. [[Плутарх]] еиҭеиҳәоит: <blockquote> ''Лара иара абаҩқәа рыла дицхәмаруан, еицрыжәуан, еицышәарыцон, абџьарқәа рыла иҽаназыҟаиҵоз ахәаԥшцәа дрылахәын, уахынла иара атәы имаҭәа ишәҵаны ақалақь даналаз, аҩнқәа рышәқәеи рԥенџьырқәеи рҿы дааҭгыланы аԥшәмацәа, малла еиҩцамыз ауаа данрыхлафуаз, Клеопатрагьы иара дишьашәаланы лҽеибыҭаны дицын» </blockquote> Ҽнак Антони, Клеопатра илаз аԥсыӡкратә ҟазарала диршанхарц игәы иҭакны, иааиԥмырҟьаӡакәа аԥсыӡ ҿыцқәа иҵәгәыр иахарҵаларц азы аӡхәыҵалаҩцәа драцәажәеит; Клеопатра, уи иаҩсҭаара иаразнак еилылкаан, ларгьы аӡхәыҵалаҩцәа драцәажәеит, Антони иҵәгәыр ирҩаны иҟоу аԥсыӡ ахарҵарц азы. [[Файл:Cleopatra VII tetradrachm Ascalon mint.jpg|мини|300px|Клеопатра VII лпортрет аԥараҿырԥ аҿы]] Урҭ хәмаруанаҵы, [[Парфиа|апарфианцәа]] раҳ иԥа Пакор ажәылара далагеит, уи иахҟьаны Рим [[Шьамтәыла|Шьамтәылеи]], Азиа Хәыҷи, Киликиеи ацәыӡит. Антигон Маттафии, [[Хасмонеиаа]] (Маккавеиаа) рдинастиа аҟынтә римаа ирҿагылаз аҳ иԥа, апарфианцәа [[Иерусалим]]тәи аҳра иҭыԥ аҿы днаргеит. Марк Антони [[Тир]]ынтәи аамҭа кьаҿк ала аҿагыларатә жәылара мҩаԥигеит, аха нас Римҟа дхынҳәыр акәхеит, уаҟа иԥҳәыс Фульвиеи Октавиан идгылаҩцәеи реиҿагылара ашьҭахь, Брундизиа аҭынчразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит. Иҟалаз аиҿагыларақәа Фульвиа илхаран, Плутарх излеиҳәо ала, убас ала лара дгәыӷуан Антони Клеопатра дылҟәылгап ҳәа. Уи аамҭазы [[Фульвиа]] лыдунеи лыԥсахит, Антони Октавиан иаҳәшьа Октавиа ԥҳәысс дигеит. Убри аамҭазыҵәҟьа, ҳ. ҟ. 40 шықәсазы, Александриа инхоз Клеопатра Антони иҟынтә еициз ҩыџьа ахшара лхылҵит: аҷкәын Александр Гелиос («Амра»), аӡӷаб Клеопатра Селена («Амза»). Хышықәса ирылагӡаны ҳ. ҟ. 37 шықәса ҭагаларанӡа аҳкәажә илызку адыррақәа ыҟам. Антони Италиантәи даныхынҳә ашьҭахь, бзиа еибабоз Антиохиа еиқәшәоит ҭагалан 37 шықәсазы, убри аамҭа инаркны рполитикеи рыбзиабареи рҿы аетап ҿыц алагоит. Антони илегат Вентидии апарфианцәа ықәицеит; Антони апарфианцәа рхаҭарнакцәа иара ихатәы вассалцәа рыла иԥсахуеит, мамзаргьы Римынтәи ишиашоу напхгара ҟаиҵоит. Убас, еицырдыруаз [[Ирод I Ду|Ирод]], иара ицхыраарала, [[Иудеиа]] аҳыс дҟалоит. Убасҵәҟьа иҟалеит [[Галатиа|Галатие]]и, Понти, [[Каппадокиа|Каппадокие]]и. Арҭқәа зегьы Клеопатрагьы афеида алылгоит, избанзар лара [[Кипр]] шылтәу шьақәырӷәӷәахоит, иара убасгьы [[Адгьылбжьаратәи амшын]] аԥшаҳәаҿы иҟоу шьамтәылатәии киликиатәии ақалақьқәа, иахьатәи [[Ливан]] иҟоу Халкидика аҳра азы лзинқәа шьақәдырӷәӷәоит. Убас ала, лара илылшеит раԥхьатәи Птолемеиаа рҳәынқарра ахәҭакахьала аиҭашьақәыргылара. Клеопатра лаҳратәра аера ҿыц абри аамҭа инаркны ишалагаз атәы адокументқәа рҿы иарбазарц адҵа ҟалҵеит. Лара лхаҭа аофициалтә титул лыдылкылеит Θεα Νεωτερα Φιλοπατωρ Φιλοπατρις (''Феа Неотера Филопатор Филопатрис''), даҽакала иуҳәозар, «анцәарҭыԥҳа еиҵбы, аби аԥсадгьыли бзиа избо». Атитул рзырхан ирыдҵахаз шьамтәылаа, урҭ Птолемеиаа ршьа злаз аҳкәажә (анцәарҭыԥҳа еиҳабы) [[Клеопатра Феа]] дрыман ҳ. ҟ. II-тәи ашәышықәсазы; ари атитул, аҭоурыхдырҩцәа ргәаанагарала, иара убас иаанарԥшуан Клеопатра Македониатәи ашьаҭақәа шлымазгьы, уи Шьамтәыла напхгара азҭоз абырзен-македониатәи акласс азы акры зҵазкуаз аргументын. === Антонии Клеопатреи рхәыҷқәа === [[Файл:An ancient Roman bust of Cleopatra VII of Ptolemaic Egypt2.jpg|мини|130px|Ажәытәтәи римтәи абиуст, Клеопатра лхаҭа, мамзаргьы Марк Антони иҟынтә лыԥҳа [[Клеопатра Селена II]] аазырԥшуа.]] [[Файл:An ancient Roman bust of Cleopatra VII of Ptolemaic Egypt1.jpg|мини|130px|]] ҳ. ҟ. 37—36 шықәсқәа рзы Антони апарфианцәа дырҿагыланы аибашьра далагеит, уи арыцҳара ду ахылҿиааит, еиҳарак [[Ажәытә Ермантәыла|Ермантәылеи]] [[Мидиа|Мидиеи]] рышьхақәа рҿы аӡын ӷәӷәа ахьыҟаз иахҟьаны. Антони ихаҭа аарла аԥсра дацәынхеит. Клеопатра Александриа даанхеит, уаҟа ҳ. ҟ. 36 шықәса цәыббрамзазы Антони иҟынтә ахԥатәи ахшара длоуит — [[Птолемеи Филадельф]]. Рим Антонии Клеопатреи рхы ахьеидыркылаз аимпериеи, хаҭала Октавиани рзы шәарҭара дууп ҳәа рыԥхьаӡо иалагеит. Аҵыхәтәантәи, ҳ. ҟ. 35 шықәса ааԥын алагамҭазы, иаҳәшьа Октавиа, Антони закәанлатәи иԥҳәыс, иԥҳацәа ҩыџьа ран —[[Антониа Еиҳабы]] (аԥхьаҟа императорхараны иҟаз [[Нерон]] ианду) [[Антониа Еиҵбы]] (аԥхьаҟа [[Германик]]и аимператор [[Клавдии]] иранхаран иҟаз) — лхаҵа ишҟа дишьҭит. Аха лара Афины дышнеиҵәҟьаз, Антони иаразнак дхынҳәырц лыдиҵит. Уи аӡбамҭа Клеопатра илыхҟьеит, избанзар лара Антони уԥҳәыс дудыукылар сҽысшьеит ҳәа диқәмақарит. Антони парфианцәеи иареи реибашьраҿы дахьаҵахаз азы ашьоура иҭахын: ҳ. ҟ. 35 шықәсазы Ермантәыла аҳ [[Артавазд II]] дытҟәаны дигеит, егьи Артавазд — Мидиа [[Атропатена|Атропатены]] аҳи иареи аиҩызара рыбжьарҵеит, итриумф азгәеиҭеит, аха Рим акәымкәа, Александриа, Клеопатреи еицырхылҵыз рхәыҷқәеи алархәны. Ԥыҭрак ашьҭахь, Цезарион аҳцәа рҳ ҳәа атитул иоуит; [[Александр Гелиос]] Ермантәылеи [[Евфрат]] анаюстәи адгьылқәеи раҳыс дыԥхьаӡахеит, Птолемеи Филадельф Шьамтәылеи [[Азиа Хәыҷы|Азиа Хәыҷ]]и иоуит (номиналла, избанзар ҩышықәса инарзынаԥшуа ихыҵуан), аҵыхәтәаны, [[Клеопатра Селена II]] илырҭеит [[Киренаика]]. Арҭ атерриториақәа зегьы Антони ииашаҵәҟьаны инапы аҵаҟа иҟамызт. [[Иосиф Флавии]] ишиҳәо ала, Клеопатра Иудеиагьы лҭахын, аха Антони мап лцәикит; аха ари ажәабжь агәыҩбара узцәырнагоит. Адгьылқәа ршара иазкыз ажәабжь Рим ӷәӷәала ргәы ԥнажәеит; Антони Римтәи аҵасқәа зегьы еилаганы, еллинтәи аҳәынқар иеиԥш ихы мҩаԥиго далагеит. == Аилаҳара == === Акциумтәи аибашьра === {{main|Акциумтәи аибашьра}} Антони макьанагьы асенати ари рҿы иҳаҭыр ӷәӷәан, аха Мрагыларатәи -еллинтәи аҟазшьақәа аазырԥшуаз ихымҩаԥгашьақәа, римтәи анормақәеи атрадициатә идеиақәеи ирҿагылон, иара ихала Октавиан ииҭеит иҿадыргылашаз абџьар. ҳ. ҟ. 32 шықәсазы аграждантә еибашьраҿынӡа инеит. Убри аан Октавиан уи «Римтәи ажәлар Мысратәи аҳкәажә илҿагыланы имҩаԥырго еибашьроуп» ҳәа рылеиҳәеит. Римтәи ар рԥыза тәыс дҟазҵаз мысратәи аԥҳәыс, Рими уи ацәаҩа бзиақәеи ирыцәтәыму мрагыларатәии, еллинтәи-аҳратә цәырҵра бааԥсқәи дырхыҵхырҭаны даадырԥшуа иалагеит. [[Файл:Castro Battle of Actium.jpg|thumb|255px|слева|''Актиумтәи аибашьра''. [[Кастро, Лоренцо|Лоренцо А. Кастро]] (1672)]] Антонии Клеопатреи аибашьразы 500 ӷба змаз афлот рхианы ирыман, урҭ рҟынтә 200 мысратәиқәан. Антонии Клеопатреи еиманы изеиҩсуаз абырзен қалақьқәа зегьы рҿы қьаф уа иқәын, аныҳәарақәа мҩаԥго, иара дкалышь-малышьуа акәын дшеибашьуаз, убриалагьы Октавиан аибашьцәеи амшынтә флоти реиҿкааразы аамҭа ииҭон. Антони Бырзентәыла мраҭашәаратәи аԥшаҳәахьы архәҭақәа еизигонаҵы, Октавиан иаарласны [[Епир]]ҟа дцеит, Антони уаҟа иабашьра далагеит. Клеопатра Антони ир ргыларҭаҿы дахьыҟаз, лгәы ԥызжәоз зегьы рзы иааиԥмырҟьаӡакәа ацәгьа ахьлыршуаз, Антони даара иԥырхагахеит, уи иахҟьаны идгылақәоз аӡәырҩы аӷа иганахь ииасит. Иҟазшьарбагоуп Антони гәыкала идгылаз Квинт Делли иҭоурых, уи Октавиан иахь диасыр акәхеит, избанар Клеопатра илхиҳәааз алаф лаҳаҭыр ланарҟәит ҳәа ԥхьаӡаны, ашҳам иҭан дылшьырц лгәы ишҭаз иазкны адырра иоуит. Октавиан иахь [[Аиасыҩцәа|ииасқәаз]] Антони иуасиаҭ ажәақәа ртәы изеиҭарҳәеит; уи иаразнак иахьыҵәахыз Веста лыныҳәарҭа аҟынтәи иганы иҭрыжьит. Антони официалла Клеопатра иԥҳәыс шлакәыз шьақәирӷәӷәон, лԥацәа изакәантәу ихшарақәа шраку, насгьы Рим акәымкәа, Клеопатра лывара Александриа анышә дамардарц уасиаҭны иаанижьит. Антони иуасиаҭ зынӡа ихьӡ ланарҟәит Римаа рҿаԥхьа. Октавиан, ар рԥыза дук иакәмызт, убри аҟынтә далихит [[Марк Випсани Агриппа]], аибашьра қәҿиарала имҩаԥызгоз, аԥышәа змаз ар рԥыза. Агриппа илиршеит [[Амбракиатәи аӡыбжьаха]]ла аҟны Антонии Клеопатреи рфлот акәшара. Урҭ рыруаа афатә рзымхо иалагеит. Клеопатра мшынла раӷа иӷбақәа ԥыхха иқәҵаны рхы еиқәдырхарц лҭаххеит. Арратә хеилак аҿы ари агәаанагара аԥыжәара агеит. Уи иалҵшәаны [[Акциум аҿтәи аибашьра|Акциум амшынтә еибашьра]] ҟалеит ҳ. ҟ. 31 шықәса цәыббрамза 2 рзы. Убасҟан Клеопатра даҵахар ҳәа дшәаны лыӷбақәа лыманы дыбналарц лыӡбеит. Антони уи длышьҭалеит. Ирҟәаҟәаз ифлот Октавиан инапахьы иааигеит, уи ашьҭахь згәы каҳаны иҟаз адгьылмҩатә архәҭақәагьы еибашьрада рабџьар шьҭарҵеит. === Антонии Клеопатреи рҭахара === [[Файл:The Death of Cleopatra arthur.jpg|мини|250px|''Клеопатра лыԥсра'', Реџьинальд Артур исахьа, 1892]] {{main|Клеопатра лыҽшьра}} Антони Мысраҟа дхынҳәит, Октавиан иҿагыларазы акгьы ҟаимҵеит. Аха уи азы иара алшарақәагьы имамызт. Иара имчқәа арыжәтәи аныҳәақәеи ирықәирӡуан, насгьы Клеопатреи иареи «Аҽшьыҩцәа рхеилак» шаԥырҵо атәы рыларҳәеит, уи алахәылацәа ҳаицыԥсуеит ҳәа ҭоуба ҟарҵеит. Рҩызцәагьы уи ахеилак иалалар акәхеит. Клеопатра абаандаҩцәа рҿы еиуеиԥшым ашҳамқәа злоу ахәшәқәа ԥылшәон, иарбан шҳаму еиҳа ирласны, ахьаа умҭаӡакәа узшьуа аилкааразы. Клеопатра Цезарион иеиқәырхара даара хьаас илыман. Иара Индиаҟа ддәықәылҵеит, аха ԥыҭрак ашьҭахь ахәыҷы Мысраҟа дхынҳәуеит. Аамҭак азы лара лхаҭагьы Индиаҟа абналара лгәы иҭалкит, аха аӷбақәа [[Суецктәи аӡымҩахгага]] иахысны ицарц ианалага, арабцәа ирблит. Урҭ апланқәа мап рцәыркыр акәхеит. [[Файл:Benczur-kleopatra.jpg|thumb|left|200px|''Клеопатра лыԥсра'', Венгртәи асахьаҭыхҩы [[Бензур, Гиула|Гиула Бензур]] исахьаҭыхымҭа, 1911]] ҳ. ҟ. 30 ашықәс, ааԥынразы Октавиан Мысра дақәлеит. Клеопатра ачарҳәара лҽацәылыхьчарц лҽазылшәо далагеит гәымбылџьбарала: Пелусиа акомендант Селевк абаа аӷацәа ианриҭа, иԥҳәыси ихәыҷқәеи ршьырц адҵа ҟалҵеит. Ԥхынгәымза анҵәамҭазы Октавиан ируаа Александриа азааигәаранӡа иааит. Антони ир аҟынтә иаанхаз ахәҭақәа акакала еишьҭагыланы, аиааира згаз иахь ииасуа иалагеит. Нанҳәамза 1 азы Клеопатра, зыгәра лгоз лмаҵуҩҳәсақәа Ирадеи Хармиони лыманы, лхатә кардама ахыбра лҽыҩнакны дтәеит. Антони лҽылшьит ҳәа амц дыржьеит. Антони ари аниаҳа, аҳәа илеиҵеит. Дук мырҵыкәа, аҳәса зыԥсы зхыҵуаз Антони акардама дҭаргалеит, иқьызқьызуа иҵәыуоз Клеопатра лнапаҟны иԥсҭазаара далҵит. Клеопатра лакәзар, аҟама кны днагылеит, аԥсра дшазхиоу аарԥшуа, аха анаҩс Октавиан ицҳаражәҳәаҩ иацәажәара далагеит. Уи акардама ахыбра аҭалара азин илҭеит, насгьы илкыз абџьар лымихит. Иҟалап Клеопатра Октавиан дхылхырц дгәыӷуазҭгьы, мамзаргьы еиқәшаҳаҭны аҳра лзынижьуа џьылшьозҭгьы. Аха Октавиан Цезари Антонии раасҭа иҽирӷәӷәеит, ихыхрагьы лылымшеит. Клеопатра аҵыхәтәантәи лымшқәа ртәы Плутарх иԥкааны дрылацәажәоит, лҳақьым Олимп игәалашәарақәа ихы иархәаны. Октавиан Клеопатра азин лиҭеит бзиа илбоз анышә дамалдарц; лхатә лахьынҵа еилкаамызт. Лара дычмазаҩушәа ҟалҵеит, насгьы амла лҽаркны лхы лшьуашәа далагеит, аха Октавиан бхәыҷқәа ҭасырхоит ҳәа данлықәмақар, илыдыргалоз ахәышәтәра рыжәра дакәшаҳаҭеит. <blockquote> ''Мшқәак рышьҭахь, Цезар (Октавиан) ихаҭа Клеопатра дылҭааит, маҷк лгәы ирҭынчырц азы. Лара лгәы кажьны, лылахь еиқәҵаны лиарҭа дылаиан, Цезар лышә аҿы данаацәырҵ, ахитон заҵәык шылшәыз дҩаҵҟьан, днаиашьаԥкит. Акыраамҭа илмырҽеицыз лыхцәқәа шьыҵәра -шьыҵәра икнаҳан, лхы-лҿы бнеикны иҟан, лыбжьы ҵысуан, лыблақәа ҭахәаҽын.''<ref>[[Плутарх]], «Антоний», 83</ref> </blockquote> [[Файл:Death of Cleopatra by Rixens.jpg|мини|300px|Клеопатра лыԥсра. Асахьаҭыхҩы Жан-Андре Риксан (1874)]] Октавиан Клеопатра лгәы шьҭызхуаз ажәақәа налаҳәаны дцеит. Дук мырҵыкәа Клеопатра бзиа дызбоз римтәи аофицар Корнели Долабелла илеиҳәеит, хымш рышьҭахь Октавиан и[[Атриумф|триумф]] азы лара Римҟа дышдәықәырҵо. Клеопатра Октавиан заа изылҩыз ашәҟәы ирҭарц азы адҵа ҟаҵаны, лмаҵуҩҳәсақәа лыманы лкардама лҽыҩналкит. Октавиан ашәҟәы иоуит, уи аҟны Клеопатра дашшуан, насгьы Антони ивара анышә дамардарц азы аҳәара ҟалҵон. Октавиан иаразнак лара лышҟа ауаа дәықәиҵеит. Иишьҭыз ауаа Клеопатра дыԥсны дырбеит, лара аҳқәажә лымаҭәақәа лышәҵаны ахьтәы цәардаӷәы дықәын. Уаанӡа [[Алаҳа|алаҳақәа]] зҭаз ааҵәа иманы нхаҩык длызнеит, ахьчаҩцәа уи иганахь гәҩара рызцәырымҵӡеит. Убри инамаданы анхаҩы ааҵәа амаҭ ҭартәаны Клеопатра илызнеигеит ҳәа агәаанага аадырԥшит. Аҳкәажә лнапаҿы ацҭыԥқәа ҩба аарла иубарҭан рҳәон. Амаҭ ахаҭа ауадаҿы ирымбаӡеит, иаразнак аҳҭынра ааныжьны иҳәазаны ицазшәа. Даҽа версиак инақәыршәаны, Клеопатра ашҳам лыхцәы иалалҵоз ашьыԥлика аҿы иҵәахны илыман. Ари аверсиа шьақәзырӷәӷәо фактуп Клеопатра лмаҵуҩҳәсақәа рҩыџьагьы лара иахьлыцыԥсыз. Маҭык хҩык ауаа знык ала иашьит ҳәа агәрагара уадаҩуп. Дион Касси излеиҳәо ала, Октавиан Клеопатра [[Апсиллцәа|апсиллцәа]] рыцхыраарала лыԥсы ҭеиҵарц иҽазишәеит, дара ашҳам алцәыцәаара рхы ԥырхага амҭакәа изылшоз аекзотикатә жәлары рхаҭарнакцәа ракәын. ҳ. ҟ. 30 ашықәс, нанҳәамза 12 рзы Клеопатра лыԥсҭазаара дахьалҵыз иалҵшәаны Октавиан Рим имҩаԥигоз итриумф дизаламырхәит иитҟәарц ииҭахыз аҳкәажә ԥшӡа. Атриумфтә ныҟәараҿы лҳаҭәара заҵәык акәын иргоз. Цезар ииааӡаз Октавиан Клеопатреи Цезари рԥа Птолемеи XV Цезарион иара убри ашықәс азы дҭаирхеит. Антони ихәыҷқәа азынџьырқәа рыла иҿаҳәаны атриумфатор ипарад иаладырхәит, анаҩс урҭ Октавиан иаҳәшьа Октавиа, Антони иԥҳәыс, «лхаҵа игәалашәара аҳаҭыразы» илааӡеит. Аамҭа анца, Клеопатра лыԥҳа Клеопатра Селена II ԥҳәысс дирҭеит амавританиатәи аҳ [[Иуба II]], убас алагьы Шершельтәи Клеопатра лбиуст аԥҵахеит. Александр Гелиоси Птолемеи Филадельфи рлахьынҵа еилкаамкәа иаанхеит. Урҭ заа иԥсит ҳәа агәаанагара ыҟоуп. Мысра [[Римтәи апровинциақәа]] ируакхеит. Клеопатра лкардама ыҟоуп ҳәа иԥхьаӡоу аҭыԥқәа иреуоуп Тапосирис Магна (иахьатәи Абусир) аныҳәарҭа азааигәара. Осирис иныхабаа Александриа инаркны 45 километра мраҭашәарахь игылоуп, уи дыргылеит аҳ Птолемеи II ихаан. Ари иԥшьоу ҭыԥуп- алегенда инақәыршәаны Осирис иԥсыбаҩ анышә иахьамадоу аҭыԥқәа иреиуоуп. 2009 шықәса ааԥынразы, Мысратәи ажәытә ҭынхақәа рзы усҟан министрс иҟаз Заҳи Ҳавасс амассатә информациатә хархәагақәа ирылеиҳәеит, аныхабаа аҟны радарла имҩаԥыргаз аҭыхрақәа ирыбзоураны, 120 метра зкуа, ԥслымӡла иҭәыз атунель аҵарауаа ишырыԥшааз. Ажрақәа раан ирыԥшааит аԥҳәыс лҳатәара, иҟалап уи илегендартәу Клеопатра лакәзар, лара аҳра анылуаз иҭыжьыз ҳәа иԥхьаӡоу аԥара ҿырпқәа, иара убас даныԥсы ашьҭахь иҟаҵаз ахаҵа имаска, иҟалап уи Марк Антони итәызар. Аха,ари аҩыза оптимизм шыҟазгьы (2006 шықәса, абҵарамзазы Заҳи Ҳавасс ажурналистцәа иреиҳәеит: «ҳара Клеопатра лкардама ҳашьҭоуп. Ҳара ҳаԥхьа, Мысра аҵыхәтәантәи аҳкәажә лыԥсыжырҭа системала аԥшаарақәа аӡәгьы имҩаԥимгацызт» ҳәа), Клеопатра лкардама (Марк Антони итәы еиԥш) уажәраанӡагьы иԥшааӡам. Ари аныхабаа ааигәарагьы, егьырҭ аҭыԥқәа рҿгьы. Зҵыхәтәа цәгьахаз абзиабаҩцәа дуқәа ркардамақәа рыԥшаара иацҵоуп. == Клеопатра акультураҿы == === Амузыкеи адрамеи === * «[[Антонии Клеопатреи]]» — [[Шеқспир, Уильиам|Уильиам Шекспир]] итрагедиа (1603—1604 мамзаргьы 1607). * «[[Помпеи иԥсра]]» — [[Корнель, Пиер|Пиер Корнель]] итрагедиа (1643). * «Клеопатра» — [[Маттезон, Иоганн|Иоганн Маттезон]] иопера (1704). * «Клеопатра» — [[Пиониц, Франц|Франц Пиониц]] иопера (1888). * «[[Цезари Клеопатреи]]» — [[Шоу, Бернард|Бернард Шоу]] ипиеса (1898). * «[[Мысратәи аҵхқәа (абалет)|Мысратәи аҵхқәа]]» — [[Фокин, Михаил Михаил-иԥа|М. М. Фокин]] ибалет (1908). * «[[Клеопатра (абалет)|Клеопатра]]» — М. М. Фокин ибалет (1909, «Мысратәи аҵхқәа» рҟынтәи иеиҭашьақәыргылоу). * «Клеопатра» — [[Массне, Жиуль|Жиуль Массне]] иопера (1914). * «Клеопатра» — абаллада (1989) насгьы авидеоклип (1991), [[Азиза]] иналыгӡо, [[Пушкина, Маргарита Анатоли-иԥҳа|Маргарита Пушкина]] лажәеинраала, амузыка [[Грязнова (Ванина), Елена|Елена Ванина]]<ref>{{cite web|url=https://www.discogs.com/ru/%D0%90%D0%B7%D0%B8%D0%B7%D0%B0-Aziza/release/3939246|title=Азиза - Aziza (1991, Vinyl)|work=Дискография|publisher=Discogs|lang=ru|access-date=2020-12-25|archive-url=https://web.archive.org/web/20190904231921/https://www.discogs.com/ru/%D0%90%D0%B7%D0%B8%D0%B7%D0%B0-Aziza/release/3939246|archive-date=2019-09-04}}</ref><ref>[https://www.youtube.com/watch?v=kLRQfJGV-FU Азиза - Клеопатра / Утренняя почта «В гостях у Зайцевых» (1991) — Азиза. Официальный канал]</ref>. * «Цезари Клеопатреи» — А. Журбин имиузикл (2010). * «[[Антонии Клеопатреи (аопера)|Антонии Клеопатреи]]» — [[Барбер, Семиуел|Семиуел Барбер]] иопера (1966). === Алитература === * «Клеопатра» — [[Пушкин, Александр Сергеи-иԥа|Александр Сергеи-иԥа Пушкин]] иажәеинраала (1824, 1828 шықәсазтәи аредакциаҿы еиҳарак «[[Мысратәи аҵхқәа]]» ртекст иалаҵоуп). * «Клеопатра ирылҭаз аҵх» — [[Готие, Теофиль|Теофиль Готие]] иновелла (1845). * «Клеопатра» — [[Еберс, Георг|Георг Еберс]] иҭоурыхтә роман (1893). * «[[Клеопатра (ароман)|Клеопатра]]» — [[Хаггард, Генри Раидер|Генри Раидер Хаггард]] ироман (1898). * «Клеопатра» («Сара Клеопатра, сара саҳкәажәын…») — [[Бриусов, Валери Иаковлев-иԥа|Валери Иаковлев-иԥа Бриусов]] иажәеинраала (1899). * «Клеопатра» («Мап, атәы иеиԥш аџьар сықәырҵом…») — [[Бриусов, Валери Иаковлев-иԥа|Валери Иаковлев-иԥа Бриусов]] иажәеинраала (1905) * «Клеопатра» («Зылахь еиқәу апаноптикум аартуп…») — [[Блок, Александр Александр-иԥа|Александр Александр-иԥа Блок]] иажәеинраала (1907). * «Клеопатра» — [[Ахматова, Анна Андреи-иԥҳа|Анна Андреи-иԥҳа Ахматова]] лажәеинраала (1940). * «Клеопатра лымшынҵақәа» — [[Џьорџь, Маргарет|Маргарет Џьорџь]] лҭоурыхтә роман (1997) * «Зеиӷьыҟам» — [[Френ, Ирен|Ирен Фреи]] Клеопатра илызку лышәҟәы (1998); урысшәала еиҭагоу «Клеопатра, мамзаргьы Зеиӷьыҟам» ҳәа захьӡу ҭыҵит [[ЖЗЛ]] ҳәа изышьҭоу асериаҿы (2001). * «Аҳцәа раҳкәажә» — [[Фентези|аҭоурыхтә фентези]] астиль ала иҩу Мариа Хедли лроман (2011). === Асахьаҭыхратә ҟазара === Клеопатра лхаҿсахьақәа изныкымкәа асахьаҭыхреи аҿыханҵеи рҿы иаадырԥшхьеит, еиҳарак XVI—XIX-тәи ашәышықәсақәа рзы. Еиҳа ирылаҵәахьоу асиужетқәа иреиуоуп «Клеопатра лыԥсра[[:fr:La Mort de Cléopâtre|<sup>[fr]</sup>]]» мамзаргьы «Аԥсра иаҿу Клеопатра». Еиҳарак асахьаҿы даарԥшуп ихту ма зыбжа хту аԥҳәыс, згәыԥҳәқәарахь амаҭ назго; еиҳа имаҷны Клеопатра даадырԥшуеит амаҭ анлыцҳа ашьҭахь ацәардаӷәы дықәианы, мамзаргьы аҳқәажә лтәарҭаҿы. <gallery class="center"> Файл:ACSIE016 - Cleopatra, from the Ruins of Dendéra.jpg|[[Дендера аныхабаа акомплекс|Дендератәи аныҳәарҭатә комплекс]] Файл:Fresco of a woman in profile, possibly Cleopatra VII of Ptolemaic Egypt, from the House of the Orchard at Pompeii.jpg|Иҟалап Клеопатра лпортреҭ акәзар, Абаҳчатә ҩны аҟны, ақалақь [[Помпеи]], ҳара ҳера I-тәи ашәышықәса абжаразы Файл:14-manasses-chronicle.jpg|«Аҳкәажә Клеопатреи аҳ Филопони», [[Манасси ихроника]] (Ватикантәи асиа, XIV-тәи ашәышықәса) Файл:Tomb of Cleopatra and Mark Antony, illuminated manuscript of Boccaccio, miniature by the Boucicaut master, 1409 AD (cropped).jpg|Антонии Клеопатреи ркардама(1409) Файл:Woodcut illustration of Cleopatra and Mark Antony - Penn Provenance Project.jpg|«Антонии Клеопатреи» (1474) Файл:BoccaceCleopatre.png|«Антонии Клеопатреи», [[Боккаччино, Боккаччо|Боккаччо Боккаччино]] (1474) Файл:Les vies des femmes célèbres d'Antoine Dufour - Cleopatra.jpg|«Клеопатра лыԥсра», Жан Пишор (1504) Файл:The dying Cleopatra, by Jan van Scorel.jpg|«Аԥсра иаҿу Клеопатра», [[Скорел, Иан ван|Иан ван Скорел]] (1523) Файл:Giampietrino - Death of Cleopatra.jpg|«Клеопатра лыԥсра», [[Џьампетрино]] (1524-1526) Файл:Cleopatra - Michelangelo Buonarroti.png|«Клеопатра», [[Микеланџьело|Микеланџьело Буонарроти]] (1533/34) Файл:Guido Reni - Tod der Kleopatra Potsdam Sanssouci.jpg|«Клеопатра лыԥсра», [[Рени, Гвидо|Гвидо Рени]] (1595—1598 инарзынаԥшуа) Файл:Morte di Cleopatra - O. Gentileschi.png|«Клеопатра лыԥсра», [[Џьентилески, Орацио|Орацио Џьентилески]] (1613 инарзынаԥшуа) Файл:Cleopatra by Cagnacci (Metropolitan Museum of Art).jpg|alt=«Клеопатра лыԥсра», Гвидо Каньиаччи (1645)|«Клеопатра лыԥсра», [[Каньиаччи, Гвидо|Гвидо Каньиаччи]] (1645)&nbsp;&nbsp; Файл:Andrea Vaccaro - The death of Cleopatra.jpg|«Клеопатра лыԥсра», [[Ваккаро, Андреа|Андреа Ваккаро]] (1630—1670) Файл:(Narbonne) La mort de Cléopâtre - Antoine Rivalz - Musée des Beaux-Arts de Narbonne.jpg|alt=«Клеопатра лыԥсра», Антуан Риваль[en] (1715)|«Клеопатра лыԥсра», Антуан Риваль (1715)&nbsp; Файл:Cleopatra MET DP822755.jpg|«Клеопатра», [[Фреи, Иоганн|Иакоб Фреи]] (1720) Файл:Cleopatra VII Philopator, engraving by Élisabeth Sophie Chéron after a Hellenistic medallion, published c. 1736.jpg|«Клеопатра лпортреҭ», [[Шерон, Елизабет-Софи|Елизабет-Софи Шерон]] (1736) Файл:Hans Makart - The Death of Cleopatra, 1875.jpg|alt=«Клеопатра лыԥсра», Ганс Макарт (1875)|«Клеопатра лыԥсра», [[Макарт, Ганс|Ганс Макарт]] (1875)&nbsp;&nbsp;&nbsp;&nbsp;&nbsp; Файл:HalfEgyptianPoundobverse.png|50 [[Мысратәи афунт|мысратәи]] [[Апиастр|апиастр]]қәа (2007) </gallery> Егьырҭ еицырдыруа асиужетқәа: «Клеопатреи Цезари» иара убас «Клеопатреи Антонии». Урыстәылатәи амузеиқәа рколлекциақәа рҿы иҟоуп еицырдыруа усумҭақәак: * «Клеопатра лыԥсра» — [[Миниар, Пиер|Пиер Миниар]] исахьаҭыхымҭа (XVII); [[Ермитаж|Аҳәынҭқарратә Ермитаж]]. * «Клеопатра лыԥсра» — Романо Тревизани ҳәа изышьҭаз [[Тревизани, Франческо|Франческо]] исахьаҭыхымҭа (1710-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭа); [[А. С. Пушкин ихьӡ зху асахьаҭыхратә ҟазарақәа рмузеи]]. * «Аԥсра иаҿу Клеопатра» — [[Аргунов, Иван Петр-иԥа|Иван Петр-иԥа Аргунов]] исахьаҭыхымҭа (1750); [[Третьиаков ихьӡ зху аҳәынҭқарратә галереиа]]. * «[[Клеопатра лчаражәра]]» — фламандиатәи асахьаҭыхҩы [[Иорданс, Иакоб|Иакоб Иорданс]] исахьаҭыхымҭа (1653); [[Ермитаж|Аермитаж]]. === Клеопатра акино аҟны === Клеопатра илызкуп акинофильмқәа рацәанык: * [[Клеопатра (афильм, 1899)|Клеопатра]] / Cléopâtre (Франциа, 1899) — абжьы зхам аԥшшәы шкәакәеи аиқәаҵәеи рыла иҟоу афильм, арежиссиор [[Мельес, Џьорџь|Џьорџь Мельес]], [[Д’Альси, Жанна|Жанна Д’Альси]] Клеопатра лроль налыгӡоит. * [[Антонии Клеопатреи (афильм, 1908)|Антонии Клеопатреи]] / Antony and Cleopatra (Еиду Америкатәи Аштатқәа, 1908) — абжьы зхам аԥшшәы шкәакәеи аиқәаҵәеи рыла иҟоу афильм, арежиссиор [[Кент, Чарльз|Чарльз Кент]], ароль налыгӡоит [[Лоуренс, Флоренс|Флоренс Лоуренс]]. * [[Клеопатра (афильм, 1910)|Клеопатра]] / Cléopâtre (Франциа, 1910) — абжьы зхам, аԥшшәы шкәакәеи аиқәаҵәеи рыла иҟоу афильм, [[Шеқспир, Уильиам|Уильиам Шекспир]] ипиеса «[[Антонии Клеопатреи]]» инақәыршәаны иқәыргылоу, арежиссиорцәа: [[Зекка, Фердинанд|Фердинанд Зекка]] ароль налыгӡоит. * [[Клеопатра (афильм, 1912)|Клеопатра]] / Cleopatra (Еиду Америкатәи Аштатқәа, 1912) — абжьы зхам, аԥшшәы шкәакәеи аиқәаҵәеи рыла иҟоу афильм, арежиссиор [[Гескилл, Чарльз|Чарльз Л. Гескилл]], ароль налыгӡоит [[Гарднер, Хелен|Хелен Гарднер]]. * [[Марк Антонии Клеопатреи (1913)|Марк Антонии Клеопатреи]] / Marcantonio e Cleopatra (Италиа, 1913) — абжьы зхам, аԥшшәы шкәакәеи аиқәаҵәеи рыла иҟоу афильм, арежиссиор [[Гуаццони, Енрико|Енрико Гуаццони]], роль хада- [[Џьанна Террибили-Гонсалес]], * [[Клеопатра (афильм, 1917)|Клеопатра]] / Cleopatra (Еиду Америкатәи Аштатқәа, 1917) — абжьы зхам, аԥшшәы шкәакәеи аиқәаҵәеи рыла иҟоу афильм, арежиссиор [[Едвардс, Џьеимс Гордон|Џьеимс Гордон Едвардс]], ароль налыгӡоит [[Бара, Теда|Теда Бара]], афильм ыӡит ҳәа иԥхьаӡоуп. * [[Антони Клеопатреи (афильм, 1924)|Антони Клеопатреи]] / Anthony and Cleopatra (Еиду Америкатәи Аштатқәа, 1924) — арежиссиор, ароль наигӡоит. * [[Клеопатра (афильм, 1928)|Клеопатра]] / Cleopatra (Еиду Америкатәи Аштатқәа, 1928) — арежиссиор [[Нил, Рои Уильиам|Рои Уильиам Нил]], ароль налыгӡоит [[Дороти Ревиер]]. * «Oh! Oh! Cleopatra» (Еиду Америкатәи Аштатқәа, 1931). Ароль аҿы. * [[Клеопатра (афильм, 1934)|Клеопатра]] / Cleopatra (Еиду Америкатәи Аштатқәа, 1934) — Оскар аноминант, арежиссиор [[Демилль, Сесил Блаунт|Сесил Блаунт Демилль]], [[Кольбер, Клодетт|Клодетт Кольбер]] ароль налыгӡоит * [[Клеопатра (афильм, 1943)|Клеопатра]] / كليوباترا (Мысра, 1943) — арежиссиор Ибрагим Лама, ароль наигӡоит [[Ризк, Амина|Амина Ризк]] * [[Цезари Клеопатреи (афильм, 1945)|Цезари Клеопатреи]] / Caesar and Cleopatra (Британиа Ду, 1945) — арежиссиор, [[Ли, Вивиен|Вивиен Ли]] лроль налыгӡоит * [[Антонии Клеопатреи рхатә ԥсҭазаара]] / La vida íntima de Marco Antonio y Cleopatra (Мексика, 1947) — арежиссиор [[Гавальдон, Роберто|Роберто Гавальдон]], ароль наигӡоит [[Понс, Мариа Антонелла|Мариа Антонелла Понс]] * [[Антонии Клеопатреи (афильм, 1951)|Антонии Клеопатреи]] / Antony and Cleopatra (Британиа Ду, 1951) — [[Летс, Паулин|Паулин Летс]] лроль налыгӡоит * [[Клеопатра ҩ-ҵхык лыцымҩаԥгара]] / Due notti con Cleopatra (Италиа, 1953) — арежиссиор [[Маттоли, Марио|Марио Маттоли]], [[Лорен, Софи|Софи Лорен]] лроль налыгӡоит * [[Нилтәи амаҭ]] / Serpent of the Nile (Еиду Америкатәи Аштатқәа, 1953) — арежиссиор [[Касл, Уильим|Уильим Касл]], ароль налыгӡоит [[Ронда Флеминг]] * [[Ауаатәыҩса рҭоурых (афильм)|Ауаатәыҩса рҭоурых]] / The Story of Mankind (Еиду Америкатәи Аштатқәа, 1957) — арежиссиор [[Аллен, Ирвин|Ирвин Аллен]], роль хадас иамаз [[Меио, Вирџьиниа|Вирџьиниа Меио]] * [[Клеопатра ллегионқәа]] / Le legioni di Cleopatra (Италиа, Франциа, Испаниа, 1959) — арежиссиор, ароль хада- [[Кристал, Линда|Линда Кристал]] * ателесериал. Асериа «Caesar and Cleopatra» (Еиду Америкатәи Аштатқәа, 1959). Ароль налыгӡоит [[Лори, Паипер|Паипер Лори]] * [[Антонии Клеопатреи (афильм, 1959)|Антони Клеопатреи]] / Antony and Cleopatra (Австралиа, 1959) — арежиссиор, Бетти Кауфман ароль налыгӡоит * [[Цезар изы аҳкәажә]] / Una regina per Cesare (Франциа — Италиа, 1962) — арежиссиор, ароль наигӡоит. * [[Клеопатра (афильм, 1963)|Клеопатра]] / Cleopatra (Еиду Америкатәи Аштатқәа, 1963) — Оскар аноминант, арежиссиор [[Манкевич, Џьозеф Лео|Џьозеф Лео Манкевич]], [[Теилор, Елизабет|Елизабет Теилор]] ароль налыгӡоит * [[Антонии Клеопатреи (афильм, 1963)|Антонии Клеопатреи]] / Antonius und Cleopatra (ГФР, 1963) — арежиссиор, ароль наигӡоит [[Миутель, Лола|Лола Миутель]] * [[Тотои Клеопатреи]] / Totò e Cleopatra (Италиа, 1963) — арежиссиор [[Черкио, Фернандо|Фернандо Черкио]], [[Ноель, Магали|Магали Ноель]] лроль налыгӡоит * [[Ауарба аларҵәара]] / The Spread of the Eagle (Британиа Ду, 1963) — арежиссиор, ароль наигӡоит [[Моррис, Мери (актриса)|Мери Моррис]] * [[Ус ҟаҵала, Клео!]] / Carry On Cleo (Британиа Ду, 1964) — арежиссиор, ароль наигӡоит [[Бҽрри, Аманда|Аманда Бҽрри]] * [[Антонии Клеопатреи (афильм, 1965)|Антонии Клеопатреи]] / Antonio e Cleopatra (Италиа, 1965) — арежиссиор, ароль наигӡоит [[Валери, Валериа|Валериа Валери]] * [[Сара, Клеопатреи Антонии]] / Η Κλεοπάτρα ήταν Αντώνης (Грециа, 1966) — ароль наиӡоит [[Паравас, Ставрас|Ставрас Паравас]] * [[Антонии Клеопатреи (афильм, 1967)|Антонии Клеопатреи]] / Antoine et Cléopâtre (Франциа, 1967) — арежиссиор, [[Магр, Жиудит|Жиудит Магр]] лроль налыгӡоит * [[Астерикси Клеопатреи]] / Astérix et Cléopâtre — амультипликациатә фильм (Франциа, Бельгиа, 1968), Клеопатра абжьы лхалҵеит [[Дакс, Мишлин|Мишлин Дакс]] * [[Cleopatra (аниме)|Cleopatra]] / クレオパトラ — аеротикатә аниме (Иапониа, 1970), Клеопатра абжьы лхалҵеит [[Накаиама, Тинацу|Тинацу Накаиама]] * [[Клеопатра (афильм, 1970)|Клеопатра]] / Cleopatra (Еиду Америкатәи Аштатқәа, 1970) — арежиссиор, ароль наигӡоит [[Вива (актриса)|Вива]] * [[Антонии Клеопатреи (афильм, 1972)|Антонии Клеопатреи]] / Antony And Cleopatra (Британиа Ду, Испаниа, Швеицариа, 1972) — арежиссиор [[Хестон, Чарлтон|Чарлтон Хестон]], ароль наигӡоит [[Нил, Хильдегард|Хильдегард Нил]] * [[Антонии Клеопатреи (афильм, 1974)|Антони Клеопатреи]]/ Antony and Cleopatra (Британиа Ду, 1974) — арежиссиор Jon Scoffield, [[Сазман, Џьанет|Џьанет Сазман]] лроль налыгӡоит * [[Антонии Клеопатреи (афильм, 1977)|Антонии Клеопатреи]] — абалеттә фильм (СССР, 1977), [[Осипенко, Алла Евгени-иԥҳа|Алла Осипенко]] лроль налыгӡоит * [[Цезари Клеопатреи (ателеспектакль)|Цезари Клеопатреи]] — ателеспектакль (СССР, 1979), [[Коренева, Елена Алексеи-иԥҳа|Елена Коренева]] лроль налыгӡоит * [[Антонии Клеопатреи (афильм, 1980)|Антонии Клеопатреи]] — ателеспектакль (СССР, 1980), [[Борисова, Иулиа Константин-иԥҳа|Иулиа Борисова]] лроль налыгӡоит * [[Антонии Клеопатреи (афильм, 1981)|Антонии Клеопатреи]] / Antony and Cleopatra — (Британиа Ду, 1981) — арежиссиор [[Миллер, Џьонатан|Џьонатан Вулф Миллер]], [[Лапотеир, Джеин|Джеин Лапотеир]] лроль налыгӡоит * [[Антонии Клеопатреи (афильм, 1984)|Антонии Клеопатреи]] / Antony and Cleopatra (Еиду Америкатәи Аштатқәа, 1984) — арежиссиор, ароль налыгӡоит [[Редгреив, Линн|Линн Редгреив]] * [[Салам џьаҳанымҟа амҩа аҟынтә]] / Highway to Hell (Еиду Америкатәи Аштатқәа, 1992) — арежиссиор, ароль налыгӡоит Amy Stiller * [[Клеопатра леротикатә ԥхыӡқәа]] / Sogni erotici di Cleopatra (Италиа, Франциа, 1996) — [[Петрелли, Марчелла|Марчелла Петрелли]] лроль налыгӡоит * [[Зена — аибашьцәа рҳкәажә]] / Xena: Warrior Princess — ателесериал (Еиду Америкатәи Аштатқәа, 1997), [[Торрес, Џьина|Џьина Торрес]] лроль налыгӡоит * [[Клеопатра (афильм, 1999)|Клеопатра]] / Cleopatra — (Еиду Америкатәи Аштатқәа, Германиа, 1999), [[Варела, Леонор|Леонор Варела]] лроль налыгӡоит * [[Астерикси Обеликси: «Клеопатра» амиссиа]] / Astérix & Obélix: Mission Cléopâtre — (Франциа, Германиа, 2002), арежиссиор [[Шаба, Ален|Ален Шаба]], ароль налыгӡоит [[Беллуччи, Моника|Моника Беллуччи]] * [[Иули Цезар (афильм, 2002)|Иули Цезар]] / Julius Caesar — (Нидерланды, Италиа, Германиа, Еиду Америкатәи Аштатқәа, 2002), арежиссиор [[Едель, Ули|Ули Едель]], ароль наигӡоит [[Сардо, Самуела|Самуела Сардо]] * [[Аканнаки|Каннаки (Клеопатра)]] / കണ്ണകി (Индиа, 2002) — арежиссиор, [[Дас, Нандита|Нандита Дас]] лроль налыгӡоит * [[Римтәи аимпериа. Август]] / Imperium: Augustus (Германиа, Италиа, Испаниа, Австриа, Франциа, Британиа Ду, 2003) — арежиссиор [[Ианг, Роджер|Роджер Ианг]], ароль наигӡоит [[Валле, Анна|Анна Валле]] * [[Клеопатра (Адамо ифильм)|Клеопатра]] / Cleopatra (Швециа, 2003) — апорнографиатә фильм, арежиссиор [[Адамо, Антонио|Антонио Адамо]], роль хадас иамоу [[Теилор, Џьулиа|Џьулиа Теилор]] * [[Скуби-Ду, дабаҟоу смумиа?]] / Scooby-Doo! in Where’s My Mummy? — амультипликациатә фильм (Еиду Америкатәи Аштатқәа, 2005), Клеопатра абжьы лхалҵеит [[Медсен, Вирџьиниа|Вирџьиниа Медсен]] * [[Рим (ателесериал)|Рим]] / Rome (2005—2007) — [[HBO]]/[[BBC]] ателеверсиатә драма, ароль налыгӡоит [[Маршал, Линдси|Линдси Маршал]] * Иули Цезар / Giulio Cesare — аопера (Британиа Ду, 2006), [[Низ, Даниель де|Даниель де Низ]] лроль налыгӡоит * [[Клеопатра (афильм, 2007)|Клеопатра]]/ Cleópatra (Бразилиа, 2007) — арежиссиор, ароль наигӡоит [[Негрини, Алессандра|Алессандра Негрини]] * [[Аамҭа аҳәаа (ателесериал)|Аамҭа аҳәаа]], асериа «Клеопатра илыцымҩаԥгаз аҵх» (Урыстәыла, 2015) — ароль налыгӡоит [[Шьербакова, Евгениа Евгени-иԥҳа|Евгениа Шьербакова]] * [[Антонии Клеопатреи (афильм, 2017)|Антонии Клеопатреи]] / Antony and Cleopatra (Британиа Ду, 2017) — арежиссиор, ароль налыгӡоит [[Саимон, Џьозетт|Џьозетт Саимон]] * [[Антонии Клеопатреи (афильм, 2018)|Антонии Клеопатреи]] / Antony and Cleopatra (Британиа Ду, 2018) — арежиссиор, ароль налыгӡоит [[Оконедо, Софи|Софи Оконедо]] * [[Африкатәи аҳкәажәцәа]], «Аҳкәажә Клеопатра» / Queen Cleopatra (Еиду Америкатәи Аштатқәа, Британиа Ду, 2023, Netflix асериал) ароль аҿы. * [[Астерикси Обеликси: Ажәҩантәи Аимпериа]] / Astérix et Obélix: L’Empire du Milieu (Франциа, 2023) — арежиссиор [[Кане, Гииом|Гииом Кане]], ароль налыгӡоит [[Котиар, Марион|Марион Котиар]] * «[[Клеопатра (афильм ҿыц)|Клеопатра]]» — 2010 шықәса инаркны аус зыдулара иаҿу афильм === Аӷбақәа === * [[Клеопатра (афрегат, 1779)|Клеопатра]]— [[Британиа Ду Аҳра арратә-мшынтә флот]] 5-тәи аранг змоу 32 бџьар змоу афрегат, 1779 шықәсазы амшын ихҵан, 1814 шықәсазы иқәгахеит. * [[Клеопатра (афрегат, 1780)|Клеопатра]]— 32 бзарбзан зықәгылоу афрегат, 1780 шықәсазы [[Франциатәи арратә-мшынтә мчқәа]] рзы амшын ихҵан, 1793 шықәсазы [[Британиа Ду Аҳра арратә-мшынтә флот]] анапахьы иаанагеит, ахьӡ ԥсахны «Oiseau» (аԥсаатә) ҳәа ахьӡҵан, 1816 ашықәсазы иқәгахеит. * Клеопатра — 44 бзарбзан змаз [[Франциатәи арратә-мшынтә мчқәа]] рфрегат, 1817 азы амшын ихырҵеит, 1823 азы иқәгахеит. * [[Клеопатра (афрегат, 1835)|Клеопатра]]— [[Британиа Ду Аҳра арратә-мшынтә флот]] 6-тәи аранг змоу 26 бзарбзан зықәгылоу афрегат, 1835 шықәсазы амшын ихырҵеит, 1862 ашықәс азы иқәгахеит. * [[Клеопатра (афрегат, 1838)|Клеопатра]]— [[Франциатәи арратә-мшынтә мчқәа]] 50 бзарбзан змоу афрегат, 1838 шықә азы амшын ихҵан, 1869 ашықәс азы иқәгахеит. * [[Клеопатра (аԥхӡытә фрегат)|Клеопатра]]— [[Британиатәи Ост-Индиатәи Акомпаниа]] афрегат, 1839 азы амшын ихырҵеит, 1847 шықәса мшаԥымза 14 рзы Малабар аԥшаҳәаҿы иҟәыбаса ицеит, уи акомандеи апассаџьырцәеи (зегьы ааидкыланы 250 инареиҳаны) ҭахеит. * [[Клеопатра (понтон)|Клеопатра]]— аекипажазы ацҳа хәыҷ змоу апонтон, 1877 шықәсазы ақьашана [[Клеопатра лгәыр (Лондон)|Клеопатра лгәыр]] Александриантәи Лондонҟа аиагаразы идыргылаз, 1878 шықәсазы иқәгахеит. * [[Клеопатра (акорвет)|Клеопатра]]— [[Британиа Ду Аҳра арратә-мшынтә флот]] авинттә корвет, 1878ш азы амшын ихырҵеит, 1931ш азы иқәгахеит. * [[Клеопатра (акреисер лас)|Клеопатра]]— [[Британиа Ду Аҳра арратә-мшынтә флот]] акреисер лас, 1915ш азы амшын ихҵан, 1931ш азы иқәгахеит. * [[HMS Cleopatra (1940)|Клеопатра]] — [[Британиа Ду Аҳра арратә-мшынтә флот]] акреисер, уи 1940ш азы амшын ихҵан, 1953ш азы иқәгахеит. * [[Клеопатра (атранспорт)|Клеопатра]]— Еиду Америкатәи Аштатқәа рытранспорттә ӷба, 1944 шықәсазы «United Victory» ҳәа ахьӡ аманы амшын ихҵан, 1946 шықәсазы Британиа Ду иаанахәеит, Александриеи Ниу-Иорки рыбжьара амшын ихын, 1956 шықәсазы «Клеопатра» ҳәа ахьӡ ԥсахын, 1961 шықәсазы Еиду Арабтә мшынтә еилахәыра имилаҭтәны иҟарҵеит, 1981 шықәсазы иқәгахеит. * [[Клеопатра (афрегат)|Клеопатра]]— [[Британиа Ду Аҳра арратә-мшынтә флот]] афрегат, 1964ш азы амшын ихырҵеит, 1992 азы иқәыргеит. * Клеопатра — аԥассажьыртә, палубаки винт заҵәыки змоу аԥхараныҟәаӷба, 1964 шықәс азы амшын ихҵан. Аҳәынҭқарратә наплакы «Москватәи аӷбаргылареи аӷбақәа рремонт аҟаҵареи рзы азауад» ала «МО-106» ҳәа ахьӡ аманы, 1995 шықәсазы «Чаика» ҳәа ахьӡ ԥсахын, 2006 шықәсазы — «Клеопатра» ҳәа, 2015 шықәсазы иқәгахеит<ref>{{Cite web |url=https://fleetphoto.ru/vessel/11897 |title=Клеопатра, Бортовой №: В-12-3795. |archive-date=2025-01-12 |access-date=2025-01-12 |archive-url=https://web.archive.org/web/20250112103817/https://fleetphoto.ru/vessel/11897 |url-status=live }}</ref>. === Афилателиа === [[Файл:Stamp 1972 Ajman MiNr2529A252536A pm B002.jpg|мини|250px|Аџьман аԥошьҭатә марка, 1972]] * Мысратәи асулҭанра аԥошьҭатә марка (абарельеф «Клеопатра»), ашьацԥшшәы, 2 милием, 1914 шықәса ажьырныҳәамза 8<ref>[https://colnect.com/ru/stamps/stamp/272444-Cleopatra-Egyptian_History-%D0%95%D0%B3%D0%B8%D0%BF%D0%B5%D1%82 Cleopatra.]</ref>, 1921 шықәса<ref>[https://colnect.com/ru/stamps/stamp/321607-Cleopatra-Egyptian_History-%D0%95%D0%B3%D0%B8%D0%BF%D0%B5%D1%82 Cleopatra.]</ref> * Мысратәи асулҭанра аԥошьҭатә марка (абарельеф «Клеопатра»), аҟаԥшь, 2 милием, 1922 шықәса<ref>[https://colnect.com/ru/stamps/stamp/321608-Cleopatra-Egyptian_History-%D0%95%D0%B3%D0%B8%D0%BF%D0%B5%D1%82 Cleopatra.]</ref> * Иементәи Мутаваккилтәи Аҳра аԥошьҭатә марка ([[Тиеполо, Џьованни Баттиста|Џьованни Баттиста Тиеполо]] исахьаҭыхымҭа «Антонии Клеопатреи реиԥылара»), 24 бкуши, 1968 шықәса мшаԥымза<ref>[https://colnect.com/ru/stamps/stamp/486896-The_Meeting_of_Anthony_and_Cleopatra_Giambattista_Tiepolo-UNESCO_-_Save_the_Monuments_of_Venice-%D0%99%D0%B5%D0%BC%D0%B5%D0%BD_%D0%9A%D0%BE%D1%80%D0%BE%D0%BB%D0%B5%D0%B2%D1%81%D1%82%D0%B2%D0%BE The Meeting of Anthony and Cleopatra, Giambattista Tiepolo.]</ref> * Аџьмантәи аемират аԥошьҭатә марка ([[Лисс, Иоганн|Иоганн Лисс]] исахьаҭыхымҭа «Клеопатра лыԥсра»), 1 катартәи риал, 1972 шықәса<ref>[https://colnect.com/ru/stamps/stamp/689940-Death_of_Cleopatra_Johann_Liss-Paintings_from_Alte_Pinakothek_Munich_II-%D0%90%D0%B4%D0%B6%D0%BC%D0%B0%D0%BD Death of Cleopatra, Johann Liss.]</ref> * Парагваи аԥошьҭатә марка ([[Каньиаччи, Гвидо|Гвидо Каньиаччи]] исахьаҭыхымҭа «Клеопатра лыԥсра»), 0,25 гуарани, 1972 шықәса лаҵарамза 22<ref>[https://colnect.com/ru/stamps/stamp/447352-The_Death_of_Cleopatra_G_Cagnacci_detail-Paintings_from_the_Vienna_Museum-%D0%9F%D0%B0%D1%80%D0%B0%D0%B3%D0%B2%D0%B0%D0%B9 The Death of Cleopatra, G. Cagnacci (detail).]</ref> * Екваториалтәи Гвинеиа аԥошьҭатә марка ([[Каньиаччи, Гвидо|Гвидо Каньиаччи]] исахьаҭыхымҭа «Клеопатра лыԥсра»), 2 песета Екваториалтәи Гвинеиа, 1973 шықәса рашәарамза 29.<ref>[https://colnect.com/ru/stamps/stamp/295406-G_Cagnacci_The_Death_of_Cleopatra-Nude_paintings_by_European_painters-%D0%AD%D0%BA%D0%B2%D0%B0%D1%82%D0%BE%D1%80%D0%B8%D0%B0%D0%BB%D1%8C%D0%BD%D0%B0%D1%8F_%D0%93%D0%B2%D0%B8%D0%BD%D0%B5%D1%8F G. Cagnacci : The Death of Cleopatra.]</ref> * Чехословакиа аԥошьҭатә марка ([[Рубенс, Питер Пауль|Питер Пауль Рубенс]] исахьаҭыхымҭа «Клеопатра»), 5 чехословакиатәи акрона, 1977 шықәса абҵарамза 24<ref>[https://colnect.com/ru/stamps/stamp/123556-Cleopatra_by_Rubens_1614-1617-%D0%98%D1%81%D0%BA%D1%83%D1%81%D1%81%D1%82%D0%B2%D0%BE-%D0%A7%D0%B5%D1%85%D0%BE%D1%81%D0%BB%D0%BE%D0%B2%D0%B0%D0%BA%D0%B8%D1%8F Cleopatra, by Rubens. (1614—1617).]</ref> * Шьамтәыла аԥошьҭатә марка (Клеопатра лбиуст), 25 пиастр, 1979 шықәса нанҳәамза 19.<ref>[https://colnect.com/ru/stamps/stamp/378849-Head_of_Clipeata_Cleopatra-Exhibits_from_National_Museum_Damascus-%D0%A1%D0%B8%D1%80%D0%B8%D1%8F Head of Clipeata (Cleopatra).]</ref> * Мраҭашәаратәи Берлин аԥошьҭатә марка (Берлинтәи антикатә еизгарҭаҿы Клеопатра лбиуст), 30 пфенниг, 1984 шықәса ажьырныҳәамза 12.<ref>{{Cite web |url=https://www.stampworld.com/ru/stamps/Berlin/Postage%20stamps/1980-1989?year=1984 |title=1984 Art Treasures of the Museum in Berlin. |archive-date=2025-01-20 |access-date=2025-01-14 |archive-url=https://web.archive.org/web/20250120133123/https://www.stampworld.com/ru/stamps/Berlin/Postage%20stamps/1980-1989?year=1984 |url-status=live }}</ref><ref>[https://colnect.com/ru/stamps/stamp/41070-Queen_Cleopatra_VII_Museum_of_Antiquities-Art_treasures_in_Berlin_museums-%D0%97%D0%B0%D0%BF%D0%B0%D0%B4%D0%BD%D1%8B%D0%B9_%D0%91%D0%B5%D1%80%D0%BB%D0%B8%D0%BD Queen Cleopatra VII (Museum of Antiquities).]</ref> * Гаианатәи аԥошьҭатә марка ([[Моро, Гиустав|Гиустав Моро]] исахьаҭыхымҭа «Клеопатра»), 50 гаианатәи адоллар, 1993 шықәса ԥхынҷкәынмза 6.<ref>[https://colnect.com/ru/stamps/stamp/1164576-Cleopatra_by_Gustave_Moreau-Bicentenary_of_the_Louvre_Paris-%D0%93%D0%B0%D0%B9%D0%B0%D0%BD%D0%B0 Cleopatra, by Gustave Moreau.]</ref> * Мали аԥошьҭатә марка (Елизабет Теилор Клеопатра лроль налыгӡоит), 150 франк КФА BCEAO, 1994 шықәса лаҵарамза 23.<ref>[https://colnect.com/ru/stamps/stamp/510446-Elizabeth_Tayklor_Cleopatra-Motion_picture-%D0%9C%D0%B0%D0%BB%D0%B8 Elizabeth Taylor, Cleopatra.]</ref> * Либериа аԥошьҭатә марка (Клеопатра лпортреҭ), 50 цент, 1998 шықәса ԥхынгәымза 27.<ref>[https://colnect.com/ru/stamps/stamp/1545691-Cleopatra_VII_Thea_Filop%C3%A1tor-Monarchs_1998-%D0%9B%D0%B8%D0%B1%D0%B5%D1%80%D0%B8%D1%8F Cleopatra VII Thea Filopátor.]</ref> * Сиерра-Леоне аԥошьҭатә марка ([[Рени, Гвидо|Гвидо Рени]] исахьаҭыхымҭа «Клеопатра лыԥсра»), 1000 леоне, 2000 шықәса жьҭаарамза 6.<ref>[https://colnect.com/ru/stamps/stamp/1085336-The_Death_of_Cleopatra_by_Guido_Reni-International_Stamp_Exhibition_Espana_2000-%D0%A1%D1%8C%D0%B5%D1%80%D1%80%D0%B0-%D0%9B%D0%B5%D0%BE%D0%BD%D0%B5 The Death of Cleopatra by Guido Reni.]</ref> * Антигуеи Барбудеи рԥошьҭатә марка ([[Лересс, Герард де|Герард де Лересс]] исахьаҭыхымҭа «Клеопатра лчара»), 1 мрагыларатәи-карибтәи адоллар, 2000 шықәса ԥхынҷкәынмза 18.<ref>[https://colnect.com/ru/stamps/stamp/681921-Cleopatras_Banquet_Gerard_Lairesse-Bicentenary_of_Rijksmuseum_Amsterdam_Dutch_Paintings-%D0%90%D0%BD%D1%82%D0%B8%D0%B3%D1%83%D0%B0_%D0%B8_%D0%91%D0%B0%D1%80%D0%B1%D1%83%D0%B4%D0%B0 «Cleopatra’s Banquet» (Gerard Lairesse).]</ref> * Гренадеи, Карриакуи, Мартиника Хәыҷи рԥошьҭатә блок ([[Лересс, Герард де|Герард де Лересс]] исахьаҭыхымҭа «Клеопатра лчаражәра»), 6 мрагыларатәи-карибтәи адоллар, 2001 шықәса ажьырныҳәамза 15<ref>[https://colnect.com/ru/stamps/stamp/717293-Cleopatras_banquet_by_Gerard_Lairesse-Rijksmuseum-%D0%93%D1%80%D0%B5%D0%BD%D0%B0%D0%B4%D0%B0_%D0%9A%D0%B0%D1%80%D1%80%D0%B8%D0%B0%D0%BA%D0%B0_%D0%B8_%D0%9F%D0%B5%D1%82%D0%B8%D1%82_%D0%9C%D0%B0%D1%80%D1%82%D0%B8%D0%BD%D0%B8%D0%BA Cleopatra’s banquet, by Gerard Lairesse.]</ref> * Мальдиватәи аԥошьҭатә марка ([[Лересс, Герард де|Герард де Лересс]] исахьаҭыхымҭа «Клеопатра лчаражәра»), 7 мальдивтәи руфиа, 2001 шықәса ажьырныҳәамза 15<ref>[https://colnect.com/ru/stamps/stamp/1007193-Cleopatras_Banquet_-_Gerard_Lairesse-Rijksmuseum_Amsterdam_2001-%D0%9C%D0%B0%D0%BB%D1%8C%D0%B4%D0%B8%D0%B2%D1%8B «Cleopatra’s Banquet» — Gerard Lairesse.]</ref> * Мозамбиктәи аԥошьҭатә марка (Клеопатра лпортреҭ), 20 000 метикал, 2002 шықәса цәыббрамза 28<ref>[https://colnect.com/ru/stamps/stamp/367418-Cleopatra_VII-Egyptian_Pharaohs_2002-%D0%9C%D0%BE%D0%B7%D0%B0%D0%BC%D0%B1%D0%B8%D0%BA Cleopatra VII.]</ref> * Либериа аԥошьҭатә марка (Клеопатра лстатуиа), 60 либериатәи адоллар, 2006 шықәса рашәарамза 13<ref>[https://colnect.com/ru/stamps/stamp/1530420-Study_of_a_nude_woman_as_Cleopatra-400th_Birth_Anniversary_of_Rembrandt-%D0%9B%D0%B8%D0%B1%D0%B5%D1%80%D0%B8%D1%8F Study of a nude woman as Cleopatra.]</ref> * Сан-Томеи Принсипи рԥошьҭатә марка (асаркофаги Клеопатра лпортрети), 20 000 добра, 2008 шықәса ԥхынгәымза 17.<ref>[https://colnect.com/ru/stamps/stamp/1540941-Sarcophagus_Queen_Cleopatra_VII-Egyptian_Civilization-%D0%A1%D0%B0%D0%BD-%D0%A2%D0%BE%D0%BC%D0%B5_%D0%B8_%D0%9F%D1%80%D0%B8%D0%BD%D1%81%D0%B8%D0%BF%D0%B8 Sarcophagus, Queen Cleopatra VII.]</ref> * Британиа Ду аԥошьҭатә марка (Антонии Клеопатреи, аконцерт), 68 пенни, 2011 шықәса мшаԥымза 21.<ref>[https://colnect.com/ru/stamps/stamp/249636-Antony_Cleopatra_2006-Royal_Shakespeare_Co-%D0%92%D0%B5%D0%BB%D0%B8%D0%BA%D0%BE%D0%B1%D1%80%D0%B8%D1%82%D0%B0%D0%BD%D0%B8%D1%8F Antony & Cleopatra 2006.]</ref> * Гвинеиа аԥошьҭатә марка (Елизабет Теилор Клеопатра лроль налыгӡоит), 10 000 гвинеиатәи афранкқәа, 2011 шықәса лаҵарамза 10.<ref>[https://colnect.com/ru/stamps/stamp/1429368-Cleopatra-Elizabeth_Taylor_2011-%D0%93%D0%B2%D0%B8%D0%BD%D0%B5%D1%8F Cleopatra.]</ref> * Гвинеиа аԥошьҭатә маркеи аԥошьҭатә блоки (Елизабет Теилор Клеопатра лроль налыгӡоит), 40 000 гвинеиатәи афранкқәа, 2011 шықәса лаҵарамза 10.<ref>[https://colnect.com/ru/stamps/stamp/1429370-Cleopatra_with_Richard_Burton-Elizabeth_Taylor_2011-%D0%93%D0%B2%D0%B8%D0%BD%D0%B5%D1%8F Cleopatra with Richard Burton.]</ref> * Гвинеиа аԥошьҭатә маркеи аԥошьҭатә блоки (Клеопатра лпортреҭ), 40 000 гвинеиатәи афранкқәа, 2011 шықәса цәыббрамза 30.<ref>[https://colnect.com/ru/stamps/stamp/1439323-Edfu_temple_Horus_statue_and_Cleopatra-History_of_Egyptian_Art-%D0%93%D0%B2%D0%B8%D0%BD%D0%B5%D1%8F Edfu temple, Horus statue and Cleopatra.]</ref> * Мальдиватәи аԥошьҭатә марка ([[Иорданс, Иакоб|Иакоб Иорданс]] исахьаҭыхымҭа «Клеопатра лчара»), 20 мальдиватәи руфиа, 2014 шықәса жьҭаарамза 7.<ref>[https://colnect.com/ru/stamps/stamp/830594-Cleopatras_Feast_by_Jacobs_Jordaens-250th_Anniversary_of_the_Hermitage_Museum-%D0%9C%D0%B0%D0%BB%D1%8C%D0%B4%D0%B8%D0%B2%D1%8B «Cleopatra’s Feast», by Jacobs Jordaens.]</ref> * Нигер аԥошьҭатә марка (Елизабет Теилор Клеопатра лроль налыгӡоит), 900 франк КФА BCEAO, 2016 шықәса мшаԥымза 20.<ref>[https://colnect.com/ru/stamps/stamp/1373078-As_Cleopatra-Elizabeth_Taylor_2016-%D0%9D%D0%B8%D0%B3%D0%B5%D1%80 Elizabeth Taylor As Cleopatra.]</ref> * Соломонтәи адгьылбжьахақәа рԥошьҭатә блок (Микеланџьело Буонарроти исахьаҭыхымҭа «Клеопатра»), 10 Соломонтәи адгьылбжьахақәа рдоллар, 2016 шықәса мшаԥымза 12.<ref>[https://colnect.com/ru/stamps/stamp/992158-Cleopatra_by_Michelangelo-Michelangelo_1475-1564-%D0%A1%D0%BE%D0%BB%D0%BE%D0%BC%D0%BE%D0%BD%D0%BE%D0%B2%D1%8B_%D0%9E%D1%81%D1%82%D1%80%D0%BE%D0%B2%D0%B0 «Cleopatra», by Michelangelo]</ref> * Украина аԥошьҭатә марка (Клеопатра лпортреҭ), аноминал V, 2019ш.<ref>{{Cite web |url=https://meshok.net/item/117253317_%D0%A3%D0%BA%D1%80%D0%B0%D0%B8%D0%BD%D0%B0_2019_%D0%92%D1%8B%D0%B4%D0%B0%D1%8E%D1%89%D0%B8%D0%B5%D1%81%D1%8F_%D0%B6%D0%B5%D0%BD%D1%89%D0%B8%D0%BD%D1%8B_%D0%9A%D0%BB%D0%B5%D0%BE%D0%BF%D0%B0%D1%82%D1%80%D0%B0_1%D0%BC |title=Украина 2019, Выдающиеся женщины, Клеопатра, 1 м.|archive-date=2025-01-15 |access-date=2025-01-15 |archive-url=https://web.archive.org/web/20250115080059/https://meshok.net/item/117253317_%25D0%25A3%25D0%25BA%25D1%2580%25D0%25B0%25D0%25B8%25D0%25BD%25D0%25B0_2019_%25D0%2592%25D1%258B%25D0%25B4%25D0%25B0%25D1%258E%25D1%2589%25D0%25B8%25D0%25B5%25D1%2581%25D1%258F_%25D0%25B6%25D0%25B5%25D0%25BD%25D1%2589%25D0%25B8%25D0%25BD%25D1%258B_%25D0%259A%25D0%25BB%25D0%25B5%25D0%25BE%25D0%25BF%25D0%25B0%25D1%2582%25D1%2580%25D0%25B0_1%25D0%25BC |url-status=live }}</ref> == Клеопатра астрономиаҿы == * [[Астероидқәа рымаҟа|Амаҟа хада]] иатәу аметаллтә [[Астероид|астероид]] [[(216) Клеопатра]], мшаԥымза 10, 1880 шықәсазы [[Пализа, Иоганн|Иоганн Пализа]], [[Пула иҟоу Австро-Венгриатәи амшынтә обсерваториа]]ҿы иааиртит. Абаҩ аформа амоуп, ашәагаа 217×94×81 км ыҟоуп. Ҩ-мҩанызак ацуп ([[Алексгелиос]]и), иаартын цәыббрамза 19, 2008 шықәсазы, Клеопатра лхәыҷқәа Александр Гелиоси Клеопатра Селена II рыхьӡқәа рыхҵоуп. * [[Венера]] иҟоу [[Клеопатра (акратер)|Клеопатра]] ҳәа изышьҭоу [[Акратер|акратер]], [[Максвелл ашьхақәа]] рымрагыларатәи аҟәараҿы иҟоуп, ахьӡ шьақәнарӷәӷәеит Жәларбжьаратәи Астрономиатә Еидгыла 1992 шықәсазы. Адәахьтәи аҭаҳара адиаметр — 100 км иназынаԥшуеит, аҩныҵҟатәи — 45—55 км; адәахьтәи аҭаҳара аҵаулара — 1,5 км, аҩныҵҟатәи — 2,4—2,6 км. == Клеопатра абиологиаҿы == * Ҽынлатәи аԥарԥалыкь [[Алимонница клеопатра|алимонница клеопатра]], ахкы дахцәажәахьеит швециатәи аԥсабараҭҵааҩы [[Линнеи, Карл|Карл Линнеи]] 1767 шықәсазы. Ареал: аладатәи Европа, аҩадатәи Африка, Иааигәоу Мрагылара. * [[Cleopatra (амоллиуск)|Cleopatra]][[Амгәаҿы ашьапы змоу моллиускқәа|амгәаҿы ашьапы змоу моллиускқәа]] рыхкы (акамыршша), 20 инареиҳаны ахкқәа зҵазкуа. == Азгәаҭарақәа == {{Reflist|2}} == Алитература == * {{Акьыԥхьра|книга|заглавие=Закат Птолемеев|автор=[[Кравчук, Александр (историк)|Кравчук, Александр]]|место=М.| издательство = [[Наука (издательство)|Наука]], [[Главная редакция восточной литературы издательства Наука|Гл. ред. восточной литературы]]|год=1973|страниц=217|ссылка=http://www.sno.pro1.ru/lib/kravchuk/|оригинал=Kleopatra, Ossolineum|оригинал язык=pl|ref=Кравчук}} * {{книга |автор=[[Декс, Пьер]] |заглавие=Клеопатра|место=Ростов-на-Дону|издательство=Феникс|год= 1998|страниц=320 |серия=След в истории|isbn=5-222-00181-4 |тираж=10000|ref=Декс}} * {{Книга|автор=Петров А.|ссылка часть=http://ec-dejavu.ru/c/Cleopatra.html|часть=Несколько страниц в защиту Клеопатры|заглавие=Восток-Запад-Россия. Сб. статей.|место=М.|издательство=[[Прогресс-Традиция]]|год=2002|страницы=383—390|ref=Петров}} * {{Акьыԥхьра|книга|заглавие=Клеопатра или Неподражаемая|автор=[[Френ, Ирен]]|место=М.|издательство=[[Молодая гвардия (издательство)|Молодая гвардия]]|год=2001|страниц=356|isbn= 5-235-02668-3|ответственный=перевод [[Баскакова, Татьяна Александровна|Т. А. Баскаковой]]|оригинал=L'Inimitable Cléopâtre|язык=ru|оригинал язык=fr|серия=[[ЖЗЛ|Жизнь замечательных людей]]|тираж=6000|ref=Френ}} * ''[[Светони|Светоний]]'', «Божественный Юлий», «Август» * ''Бенгтсон Г.'' Правители эпохи эллинизма. — М.: Наука, 1982. * ''Beckerath J. von.'' Handbuch der ägyptischen Königsnamen. — Mainz, 1999. == Азхьарԥшқәа == * [https://web.archive.org/web/20030208021301/http://www.bbc.co.uk/history/historic_figures/cleopatra_vii.shtml Cleopatra VII] at [[BBC]] History * [https://publications.artic.edu/roman/api/epub/480/510/print_view Cat. 22 Tetradrachm Portraying Queen Cleopatra VII] — Sabino Rachel, Gross-Diaz Theresa, Art Institute of Chicago, 2016. {{Авторитет змоу адыррақәа}} [[Акатегориа:Ҳ. ҟ. 30 шықәсазы иԥсыз]] [[Акатегориа:Птолемеиаа рпринцессацәа]] [[Акатегориа:Ажәытәтәи Мысра аҳкәажәцәа]] [[Акатегориа:Ҳ. ҟ. I-тәи ашәышықәсазтәи Африка анапхгаҩцәа]] [[Акатегориа:«Анцәатә комедиа» аперсонажқәа]] [[Акатегориа:Зашьцәа зшьыз]] [[Акатегориа:Аԥсышьа еилкаам аҭагылазаашьақәа]] [[Акатегориа:Ашҳам ыжәны рхы зшьыз]] [[Акатегориа:Клеопатра|*]] [[Акатегориа:Марк Антони иҳәсақәа]] sk13m13dsuy1zm1xhlrrdgfdkzc0oug Ахцәажәара:Клеопатра 1 55279 171012 2026-08-04T21:39:33Z Nart17 17397 Аиҭагара: Астанда Кецба (Nart17 translation team) 171012 wikitext text/x-wiki == Аиҭагара == Ари астатиа [[:ru:Клеопатра|аурыс Авикипедиа астатиа «Клеопатра»]] аҟынтәи еиҭагоуп (алицензиа [https://creativecommons.org/licenses/by-sa/4.0/deed.ru CC BY-SA 4.0]; авторцәа рсиа — жьаратәи астатиа аҭоурых аҿы). * '''Аиҭагаҩ:''' Астанда Кецба * '''Апроект:''' Nart17 translation team 3zwspqr22j1dxnsmkqqxe2lgqmtq0k2 Tame Impala 0 55280 171014 2026-08-05T11:40:34Z AbidzbaS 25606 Создано переводом страницы «[[:en:Special:Redirect/revision/1364879118|Tame Impala]]» 171014 wikitext text/x-wiki {{Pp|small=yes}} [[Афаил:Tame_Impala-3760_(18222291464).jpg|альт=Tame Impala|справа|280x280пкс|Tame Impala 2014 аш.]] Tame Impala — [[Австралиа|австралиатәи]] ашәаҳәаҩ, аинструменталрацәа змоу [[Кевин Паркер]] ипсиходеликатә музыкатә проект ауп. Анҵамҭатә студиаҿы Паркер иҩуеит, ианиҵоит, инаигӡоит, апроект амузыка ҭижьуеит. Атуртә акт аҳасабала Tame Impala шьақәгылоуп Паркер (авокальқәа, агитара, асинтезатор), Доминик Симпер (агитара, асинтезатор), Џьеи Уатсон (асинтезатор, авокальқәа, агитара), Кэм Авери (абасс-гитара, авокальқәа, асинтезатор), Џьульен Барбагалло (абарабанқәа, авокальқәа), Џьеимс Аирленд (агитара, асинтезатор). Агәыԥ австралиатәи апсиходеликатә рок-гәыԥ Pond иазааигәоуп, алахәылацәа, аус рыцызуа еимырдоит, Уотсон, Аирленд, уаанӡа Ник Аллбрук налаҵаны. Раԥхьа Амодультә нҵамҭақәа рнапы аҵарҩит, Tame Impala 2015 шықәса рзы [[Еиду Америкатәи Аштатқәа]] рҿы Interscope Records, [[Британиаду|Британиа ду]] аҿы Fiction Records. Паркер аханатә апроект ихәыцит Перт ақалақь аҿы2007 шықәсазы. Асинглқәеи EP-қәеи рсериа ашьҭахь, 2010 шықәсазы иҭыҵит Tame Impala раԥхьатәи астудиатә альбом ''"Innerspeaker"''; уи [[Австралиа]] ахьы асертификациа азун, акритикцәа ибзианы ирыдыркылеит. 2012 шықәсазы Паркер инаҩстәи альбом ''"Lonerism"'' иара убасгьы ахьӡ-аԥша аиуит, Австралиа аплатинатә статус аҟынӡа инаӡеит, иреиӷьу альтернативтә музыкатә альбом азы Grammy Award аноминациа аиуит. Tame Impala ахԥатәи альбом ''"Currents"'' ҭыҵит 2015 шықәса ԥхынгәымзазы, актәи атрек "Let It Happen". Аԥшьбатәи астудиатә альбом "The Slow Rush" ҭыҵит 2020 шықәса жәабран 14 рзы, амузыкатә критикцәа рҟынтәи иҵегьы арҽхәаразы. 2020 шықәсазтәи ARIA Music Awards аҿы Tame Impala хә-ҳамҭак агеит. Апроект ахәбатәи альбом "Dadbeat" ҭыҵит 2025 шықәсазы, аполиартә хҳәаақәа рыла, ицәырнагеит акоммерциатә қәҿиара змоу асингл "Dracula"; уи аремикс Џьении иареи апроект аҿы раԥхьатәи иреиӷьу жәабаны иҟалеит ЕАА Billboard Hot 100 аҿы. p9iqi5qv9od264i8809b0nbndt6gbkr