Авикипедиа abwiki https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%98%D1%85%D0%B0%D0%B4%D0%BE%D1%83_%D0%B0%D0%B4%D0%B0%D2%9F%D1%8C%D0%B0 MediaWiki 1.47.0-wmf.15 first-letter Амедиа Цастәи Ахцәажәара Алахәыла Алахәыла ахцәажәара Авикипедиа Авикипедиа ахцәажәара Афаил Афаил ахцәажәара Амедиавики Амедиавики ахцәажәара Ашаблон Ашаблон ахцәажәара Ацхыраара Ацхыраара ахцәажәара Акатегориа Акатегориа ахцәажәара TimedText TimedText talk Амодуль Амодуль ахцәажәара Event Event talk Аԥсны Аҳәынҭқарра 0 1053 171763 161527 2026-08-13T13:09:24Z Iktsokh 18475 171763 wikitext text/x-wiki {{Акарточка Аҳәынҭқарра | абираҟ = {{#property:p41}} | абираҟ ирызку адаҟьа = Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟ | агерб = {{#property:p94}} | агерб ирызку адаҟьа = Аԥсны аҳәынҭқарратә герб | агимн = National anthem of Abkhazia – Aiaaira (Аиааира) (orchestral vocal version).ogg | агимн ирызку адаҟьа = Аԥсны аҳәынҭқарратә гимн | амаҵураҭыԥ1 = Ахада | амаҵурауаҩ1 = | амаҵураҭыԥ2 = Аԥыза-министр | амаҵурауаҩ2 = | zoom1 = 7 | авалиута = [[Урыстәыла арубл]]<br />[[Аԥсар]] (аколлекциатә ԥарақәа) }} '''Аԥсны Аҳәынҭқарра''' ({{lang-ru|Республика Абхазия}}) — ҳәҭакла-зхаҵо аҳәынҭқарра [[Амшын Еиқәа]] алада-мрагыларатә ахықәаҿы шьҭоуп. [[Аԥсуаа]] ирыԥсадгьылуп. Аҩада-мраҭашәараҿы Аԥсныи Урыстәылеи, мрагылараҿы — Қырҭтәылеи аҳәаақәа иамоуп. Аԥсны Ареспублика, [[Урыстәыла|Урыстәылатәи Афедерациеи]] ([[нанҳәамза 26]], [[2008]]), [[Никарагуа|Никарагуеи]] ([[Цәыббрамза 5]], [[2008]]), [[Венесуела|Венесуелеи]] ([[Цәыббрамза 10]], [[2008]]), [[Шьамтәыла|Шьамтәылатәи Арабтә Республикеи]] ([[лаҵарамза 29]], [[2018]]) азхарҵеит. Аԥсны бжь-ҭоурыхтә дгьылк (бжьиаҵәак аҳәынҭқарратә абираҟаҿы гәаларыршәоит) — [[Саӡын]], [[ԥсҳәы-Аибӷа]], [[Бзыԥын]], [[Гәма]], [[Абжьыуа]], [[Дал-Ҵабал]], [[Мырзаҟан]]-гьы — рмоуп. Аҵанакы — {{км²|8665}}. Аҳәынҭқарра иаланхо — {{иаланхо|242000|2016}}. == Ақалақьқәа == Ақалақь [[Аҟәа]] ({{иаланхо|43716}}) Аԥсынтәыла иаҳҭнықалақьуп. Даҽа қалақьқәа: [[Гагра]] ({{иаланхо|10717}}), [[Гәдоуҭа]] ({{иаланхо|7738}}), [[Гал]] ({{иаланхо|7169}}), [[Тҟәарчал]] ({{иаланхо|4786}}), [[Очамчыра]] ({{иаланхо|4702}}), [[Афон Ҿыц]] ({{иаланхо|1308}}). == Адгьылхҩылaaрa == Аԥсны шьҭоуп Амшын Еиқәа ахықәан аӡиасқәа ԥсоуи Егри рыбжьара. == Административ-территориалтә шара == Аԥсны — унитар республика; 6 районар (''араион'') акатзава. ақ. [[Аҟәа|Аҟәеи]] бжь-раионки ыҟоуп: {| class="standard" ! Аԥсныдин районар |- | # [[Гагра араион]] # [[Гәдоуҭа араион]] # [[Аҟәа араион]] # [[Гәылрыԥшь араион]] # [[Очамчыра араион]] # [[Тҟәарчал араион]] # [[Гал араион]] | [[Файл:AdmAskhazia.jpg|border|300px|Аԥсндин районар]] |} Аԥсшәа аҳәынҭқарратә бызшәа ауп. ==Агидрографиа== Аԥсны 120 ӡиас ыҟоуп, урҭ ааидкыланы раура 5000 км иреиҳауп. Аӡы ажәпара 0,6км/км² артәоит. Уи ажәпара еиҳауп ашьхараҿы акарсттә ӡқәа ахьыҟам ацәаҳәаҿы. Аԥсны аӡиасқәа зегьы иреиҳауп аӡиас Кәыдри (аӡиас Сакьан налаҵаны) аӡиас Бзыԥи. Уи аура 129 км инаӡоит. Уи аӡы иҭоу ала Аԥсны аӡиасқәа рыҩныҵҟа актәи аҭыԥ ааннакылоит. Аӡы иҭоу ала Аԥсны аӡиасқәа рахьтә аҩбатәи аҭыԥ аннакылоит аӡиас Бзыԥ. Уи аура 110 км инаӡоит. Арҭ аҩ- ӡиаск рыӡҭачыра — 3540² км рыҵаркуеит. Ари Аԥсны Аҳәынҭқарра адгьылҵакыра зегьы аҟны 4,01 % артәоит. 50 км инадыркны 100 км рҟынӡа аура змоу аӡиасқәа ԥшьба ыҟоуп. 30 км инадыркны 50 км рҟынӡа аура змоу аӡиасқәа жәаба ыҟоуп. Еиҳа ирацәоуп 10 км инадыркны 30 км рҟынӡа аура змоу аӡиас маҷқәа. Ус иҟоу аӡиасқәа 66 ыҟоуп. Аԥсны 186 ӡиа ыҟоуп. Урҭ реиҳарак ашьхаҳаракырақәа рҿы ишьҭоуп. Аӡиақәа рацәаны ишыҟоугьы, дара зегьы еилаҵаны рзеиԥш ҵакыра 5,23² км иреиҳаӡам, насгьы Аԥсны адгьылҵакыра зегьы аҟнытә 0,06 % роуп иааныркыло. Аԥсны аӡиақәа зегьы ирылукаартә иҟоуп Риҵеи Дуи Амтҟьали. Риҵа Ду ақәыԥшылара 1км³ иреиҳауп, аӡиақәа Амтҟьали Бабасыри рҵакыра хаз-хазы – 0,5 ² км рҟынӡа ыҟоуп. Аԥсны арелиеф иабзоураны аӡҟычрақәа иааныркыло аҭыԥ маҷуп. Акаршәрақәа рҿы урҭ еиҳа ирацәоуп алада-мрагыларатәи ацәаҳәаҿы. Анаҩс, аӡхықәқәа ирываршәны дгьылбжьахаланы иуԥылоит аӡиасқәа рықәқәа рҿы. Иара убас ашьхаҳаркырақәа рыҟны аӡы ацара ахьыуадаҩу аҭыԥқәа рыҟны. Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо ирацәоуп адгьылаҵаҟатәи аӡқәа. Урҭ зегьы еиԥшӡам ахимиатәи агазтәи еилазаашьала, аминералтә шьақәгылашьалеи аԥхарреи рыла, еикәшашьалеи, хыхь иҟоу аӡқәеи дареи реимадашьалеи, лшарақәас ирымоу рыла. Аԥсны аӡаҵаҟатәи аӡқәа рыла абеиара зыбызоуроу ари аҭыԥ аҿы иҟоу агеологиатә еилазаашьеи агемоморфологиатә ҷыдарақәеи инарықәыршәаны азеиԥш гидродинамикатә ҭагылазаашьа бзиа ауп. ==Аҵиаа== Аԥсны ҵиаала абеиареи аиԥшымзаареи арелиеф аиԥшымзаареи, алитологиатә еилазаареи, аҳауеи, анышәи роуп изыбзоуроу. Зыда ыҟам аԥсуа фауна атәы аҳәоит арҭ аҭыԥқәа мацара ирҷыдаҟазшьоу 82 ҵиаа хкы. Иааизакны, 2000 хкы рҟынӡа аҵиаа. Аԥсны афлора, еиҳаракгьы, акарсттә цәаҳәаҟны иуԥыло, Аҩадатәи адгьылкәымпылбжа зегьы аҿы иуникалтәуп ҳәа иԥхьаӡоуп. Аԥсны адгьылҵакыра абжеиҳарак бнарала ихҟьан. Абнала ихҟьоу адгьылҵакыра 493,6 нызқь га артәоит. Аԥсны абнарақәа рыҟны 180 инарзынаԥшуа аҵла-чықьтә хкқәеи 50 ҵла хкқәеи ыҟоуп. Аҵла — чықьтә хкқәаны иҟоуп авитаминзлыҵуа, афатәзлыҵуа, ацыхәтәқәа, арҩычагақәа, ахәшәтәыгатәқәа, амзашатәқәа, анышәрӷәӷәагақәа, ацхазлыҵуа, аефирхәшәатәқәа, акаучуктәқәа, ашьақарҵлақәа, атанидозлыҵуа, арҵәыгатәқәа. Еиҳа ирацәоуп: ашә, аԥса, ахьа, аџь, ашыц, ал, ахьаца. Раԥхьа амшын қәыԥшылараҟнытә 600 м ахьыбжьоу аҳаракыраҟынӡа ирызҳауеит ал, ахьаца, ахьа, ашә уҳәа рыла ишьақәгылоу иеилаԥсоу абӷьыбнақәа. Аҩада, 1600 м рҟынӡа иуԥылоит ашә-ахьатә бнақәа, иҵегьы ҩадаҟа 1800-2000 м рҟынӡа аҳаракырақәа рҿы агәырбӷьыҵлабнақәа, еиҳа ирацәоуп абнаԥсара. ==Аԥстәқәа иҟоу== Аԥсны иаҷыдаҟазшьоу афауна альпиатәи ацәаҳәаҟны иуԥылоит. Ароуп иахьыҟоу Кавказ иҟоу афауна ахкы аиҳарак: кавказтәи абӷаџьма (''Carpacaucasica'', кавказтәи адәҳәынаԥ (''Microtusnivalis''), Прометеи иҳәынаԥ ''Prometheomysschaposchnikowi''), кавказтәи ашьа пықамсеи (''Lyrurusmlocosiewieczi'') акаԥкаԥи (''Tetragalluscaucasicus''). Аԥсны адгьылҵакыра иалсны ицоит Евро-Азиатәи аконтинент иатәу аԥсаатә рмиграциатә мҩа ду. Ара иҟоу 294 ԥсаатә хкы ашәҟәы иҭаҩуп. Урҭ ирылоуп, шамахамзар, иуԥымло ахкқәа реиԥш аӡра иаҿугьы: ашьхауарба, ашьшьыга, амамырџагә еиқәаҵәа, ашьауардын-саԥсан, аҵырҟьа цәаԥшь, амшынҟыз, аӡыцәа шкәакәа ду уҳәа уб. егь.). Агыгшәыгқәа рахьтә иҟоуп кавказтәи амшә еиқәаҵәа, абгалаџ, абга, абгахәыҷы, адәыҭәҳәа, абнацгәы, абнацыӷи ахаҳә цыӷи, аԥшӡеи, аашьышьи, аԥслыи). Ашәарах рахьтә иуԥылоит кавказтәи абӷаџьма, европатәи абынҽа, ашьабсҭа, ақәасаб. Лассы-ласс иуԥылоит абынҳәа. Аԥсны хыԥхьаӡара рацәала иҟоу аҳаԥқәа ҽыцәҵәахырҭас ирымоуп ахәылԥҵысқәа. Урҭ 21 хкы рҟынӡа ыҟоуп ҳәа азгәаҭоуп. Аҳаԥқәа ирҭоу афауна еиҳарак абӷа змам аԥстәқәа роуп. Еиҳа ижәытәӡоу аҳаԥқәа рҿы иуԥылоит зыда ыҟам аԥстәы хкқәа. Убас, Афонҿыцтәи аҳаԥы иамоуп троглокарис (''Troglocarisschmidtiifajei'') захьӡу амшынԥстәы, аҳаԥы бжы (''Janeilusgloriosus''). Агерпетофаунаҟнытә иалкаатәуп ара иуԥыло (''Viperakaznakowi'') кавказтәи амаҭ дуи амшынбжьааратә акәуеи (''Testudograeca''), аҽаҩрадаӷь цәыши. Аҵыхәтәантәи, аҽаҩрадаӷь цәыш, иара иҟоу ахкқәа зегьы иреиҳау ахкқәа рахь иаҵанакуеит. Аԥсны Амшын еиқәа еиҳа иаҷыдаҟзшьоу афауна аҟнытә аԥсыӡқәа рахь иԥхьаӡоуп: афранџь (''Salmotrutta''), ақьаԥыр, ашәиаҟ, амлагәыр, агәыҵаԥшь, ақамашьиа (аҷыҷмаса); адельфин ганшкәакәақәа, азовтәи, афалина; амедузақәа — аурелиа, корнерот, ризостома; амолиускақәа — амиди, венус, кардиум, рапана уб. иҵ. Зынӡа Амшын еиқәа иҭоуп 160 ԥсыӡ хкы. Аԥсны ашьха рҩашқәа акалмаҳа (''Salmotrutta'') рацәаны ирымоуп. Амшынҿықәтәи акаршәрақәа рыҟны апҟызратә ӡиақәа ирымоуп апҟаз, аткәицар. ==Азхьарԥшқәа== * [http://apsnyteka.org/file/100_tekstov_na_abkhazskonm_yazyke_2015_abh.pdf «100 текстк аԥсышәала», Аҟәа: Агәыҳалалратә Фонд Аԥсны аҿиара Афонд «Амшра», 2015] * [http://www.abkhaziagov.org/ab/ Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада. Official site (ab, ru, en, tr)]{{Анеишьа_амам_азхьарԥш|date=January 2025 |bot=InternetArchiveBot |fix-attempted=yes }} * [http://www.dw-world.de/dw/article/0,,5945808,00.html Немецкие эксперты: Грузия не станет обращаться в Международный суд в Гааге_DEUTSCHE WELLE] * [http://www.civil.ge/rus/_print.php?id=18074 Саакашвили подписал закон об оккупированных территориях // Civil Georgia, Тбилиси / 31 Oct.2008] {{Асаит архивтәра|url=https://web.archive.org/web/20110607101415/http://www.civil.ge/rus/_print.php?id=18074 |date=2011-06-07 }} ==Азгәаҭақәа== {{reflist}} {{Аԥсны административ-территориалтә шара}} {{Аԥсны аҭоурыхтә регионқәа}} [[Акатегориа:Аԥсны]] [[Акатегориа:Европатәи атәылақәа]] [[Акатегориа:Ареспубликақәа]] [[Акатегориа:Жәларбжьаратәи азхаҵара хәҭак змоу, мамзаргьы змам атәылақәа]] [[Акатегориа:1993 шықәсазы ишьақәгылаз атәылақәеи атерриториақәеи]] ou6vzfz1bi0156q45bzo6jxgoraj6sn Аԥсны ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара 0 30306 171764 168565 2026-08-13T13:14:10Z Iktsokh 18475 171764 wikitext text/x-wiki '''Аԥсны ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара''' ({{lang-ru|Международное признание независимости Абхазии}}) — [[Аԥсны Аҳәынҭқарра]] жәларбжьара-азинтә статус. * Атәылақәа [[Аԥсны Аҳәынҭқарра]] азхаҵара иарҭаз: #{{абираҟдырга|Урыстәыла}} ({{date|26|8|2008}}); #{{абираҟдырга|Никарагуа}} ({{date|5|9|2008}}); #{{абираҟдырга|Венесуела}} ({{date|10|9|2008}}); #{{абираҟдырга|Шьамтәыла}} ({{date|29|5|2018}}). Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара аанызкылаз ООН иҟоу атәылақәа: #{{абираҟдырга|Вануату}} ({{date|23|5|2011}} — {{date|20|5|2013}}<ref>{{Cite web |url=https://regnum.ru/news/polit/1660611.html |title=Вануату отказалось от признания независимости Абхазии - администрация президента Грузии |access-date=2021-12-22 |archive-date=2020-08-11 |archive-url=https://web.archive.org/web/20200811224005/https://regnum.ru/news/polit/1660611.html |url-status=dead }}</ref><ref>[https://eadaily.com/ru/news/2019/03/15/glava-mid-vanuatu-podtverdil-territorialnuyu-celostnost-gruzii Глава МИД Вануату подтвердил «территориальную целостность» Грузии]</ref>); #{{абираҟдырга|Тувалу}} ({{date|18|9|2011}} — {{date|31|3|2014}}<ref>{{Cite web |url=https://old.civil.ge/rus/article.php?id=25821/ |title=Тувалу отозвала признание Абхазии и Южной Осетии |access-date=2021-12-22 |archive-date=2021-12-22 |archive-url=https://web.archive.org/web/20211222063534/https://old.civil.ge/rus/article.php?id=25821/ |url-status=dead }}</ref><ref>[https://www.rnz.co.nz/international/programmes/datelinepacific/audio/2593103/tuvalu-re-establishes-ties-with-georgia Tuvalu re-establishes ties with Georgia]</ref>); #{{абираҟдырга|Науру}} ({{date|15|12|2008}} — {{Date|21|7|2026}}<ref>https://www.facebook.com/republicofnauru/posts/pfbid02wTHw1Mk8M5UqZEhcSxduVXVToGoKSdZffeoSuzVicobdWgmNEj48rFYQp9DxDQZul?rdid=XTjMMSAXyMuGXnPZ#</ref>). * Иофициалым [[Аԥсны Аҳәынҭқарра]] адипломатиатә зыҟазаашьақәа змоу атәылақәа: {{абираҟдырга|Ҭырқәтәыла}}, {{абираҟдырга|Китаи}}, {{абираҟдырга|Бурунди}}, {{абираҟдырга|Иорданиа}}, {{абираҟдырга|Оман}}, {{абираҟдырга|Сомали}}, {{абираҟдырга|Судан}}. (???) ==Азгәаҭақәа== {{reflist}} [[Акатегориа:Аԥсны аполитика]] 9mdxcd8mqcbw13x1kx5v97hdz19680t