Авикипедиа
abwiki
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%98%D1%85%D0%B0%D0%B4%D0%BE%D1%83_%D0%B0%D0%B4%D0%B0%D2%9F%D1%8C%D0%B0
MediaWiki 1.47.0-wmf.18
first-letter
Амедиа
Цастәи
Ахцәажәара
Алахәыла
Алахәыла ахцәажәара
Авикипедиа
Авикипедиа ахцәажәара
Афаил
Афаил ахцәажәара
Амедиавики
Амедиавики ахцәажәара
Ашаблон
Ашаблон ахцәажәара
Ацхыраара
Ацхыраара ахцәажәара
Акатегориа
Акатегориа ахцәажәара
TimedText
TimedText talk
Амодуль
Амодуль ахцәажәара
Event
Event talk
Абелорус бызшәа
0
3673
173287
140042
2026-09-05T15:42:24Z
Ясамойла
22737
дапаўненьне
173287
wikitext
text/x-wiki
[[Афаил:Idioma bielorruso.png|frameless|right]]
'''Абелору́с бызшәа́'''<ref>{{Аурыс-аԥсуа жәар (2016)|1|55}}</ref><ref>{{Аԥсуа-аурыс жәар (2005)}}</ref> ({{lang-be|белару́ская мо́ва}}) — [[Белорустәыла]] бызшәас иамоуп. Славиан группа, индо-европеитә ажәла иреиоуп.
[[File:WIKITONGUES- Uladzislau speaking Belarusian.webm|thumb|right|250px|Абелорус бызшәа]]
== Абелорус алфавит ==
{{main|Абелорус алфавит}}<ref name="белальфабэт">[https://knihi.com/storage/padrucnik/alfabet.htm Беларускі альфабэт заснаваны на старажытным славянскім альфабэце — кірыліцы]</ref>
{| style="font-family:Arial Unicode MS; font-size:1.4em; border-color:#000000; border-width:1px; border-style:solid; border-collapse:collapse; background-color:#F8F8EF"
| style="width:3em; text-align:center; padding: 2px;" | [[А|А а]]
| style="width:3em; text-align:center; padding: 2px;" | [[Б|Б б]]
| style="width:3em; text-align:center; padding: 2px;" | [[В|В в]]
| style="width:3em; text-align:center; padding: 2px;" | [[Г|Г г]]
| style="width:3em; text-align:center; padding: 2px;" | [[Д|Д д]]
| style="width:3em; text-align:center; padding: 2px;" | (Дж<br />дж)
| style="width:3em; text-align:center; padding: 2px;" | (Дз<br />дз)
| style="width:3em; text-align:center; padding: 2px;" | [[Е|Е е]]
| style="width:3em; text-align:center; padding: 2px;" | [[Ё|Ё ё]]
|-
| style="width:3em; text-align:center; padding: 2px;" | [[Ж|Ж ж]]
| style="width:3em; text-align:center; padding: 2px;" | [[З|З з]]
| style="width:3em; text-align:center; padding: 2px;" | [[І|І і]]
| style="width:3em; text-align:center; padding: 2px;" | [[Й|Й й]]
| style="width:3em; text-align:center; padding: 2px;" | [[К|К к]]
| style="width:3em; text-align:center; padding: 2px;" | [[Л|Л л]]
| style="width:3em; text-align:center; padding: 2px;" | [[М|М м]]
| style="width:3em; text-align:center; padding: 2px;" | [[Н|Н н]]
| style="width:3em; text-align:center; padding: 2px;" | [[О|О о]]
|-
| style="width:3em; text-align:center; padding: 2px;" | [[П|П п]]
| style="width:3em; text-align:center; padding: 2px;" | [[Р|Р р]]
| style="width:3em; text-align:center; padding: 2px;" | [[С|С с]]
| style="width:3em; text-align:center; padding: 2px;" | [[Т|Т т]]
| style="width:3em; text-align:center; padding: 2px;" | [[У|У у]]
| style="width:3em; text-align:center; padding: 2px;" | [[Ў|Ў ў]]
| style="width:3em; text-align:center; padding: 2px;" | [[Ф|Ф ф]]
| style="width:3em; text-align:center; padding: 2px;" | [[Х|Х х]]
| style="width:3em; text-align:center; padding: 2px;" | [[Ц|Ц ц]]
|-
| style="width:3em; text-align:center; padding: 2px;" | [[Ч|Ч ч]]
| style="width:3em; text-align:center; padding: 2px;" | [[Ш|Ш ш]]
| style="width:3em; text-align:center; padding: 2px;" | [[Ы|Ы ы]]
| style="width:3em; text-align:center; padding: 2px;" | [[Ь|Ь ь]]
| style="width:3em; text-align:center; padding: 2px;" | [[Э|Э э]]
| style="width:3em; text-align:center; padding: 2px;" | [[Ю|Ю ю]]
| style="width:3em; text-align:center; padding: 2px;" | [[Я|Я я]]
| style="width:3em; text-align:center; padding: 2px;" |
| style="width:3em; text-align:center; padding: 2px;" |
|}
== Абара ==
* [[:be-x-old:|Абелорус Авикипедиа (тарашкевица)]]
* [[:be:|Абелорус Авикипедиа]]
==Ахьарԥшқәа==
{{reflist}}
{{Аславиан бызшәақәа}}
{{авторитет змоу адыррақәа}}
[[Акатегориа:Абызшәақәа]]
[[Акатегориа:Абелорус бызшәа| ]]
se97u5puhnkuojva20dxwvlabddigf9
Миурдаль, Альва
0
27227
173291
157046
2026-09-06T01:20:18Z
InternetArchiveBot
15973
Rescuing 1 sources and tagging 0 as dead.) #IABot (v2.0.9.5
173291
wikitext
text/x-wiki
{{Акарточка ауаҩы
|ахьӡ=Альва Миурдаль
}}
[[Афаил:ARB-Alva-Myrdal.jpg|мини|<span style="color:grey;">Альва Миурдаль, 1968 ш.</span>]]
'''Альва Миурдаль''' ({{lang-sv|Alva Myrdal}}; {{date|31|1|1902}}, [[Уппсала]] — {{date|1|2|1986}}, [[Стокгольм]]) — [[швециа]]тәи [[адипломат]], [[аполитик]], [[асоциолог]], [[Адунеизегьтәи Нобельтәи апремиа]] алауреат ([[1982]] ш. рзы Альфонсо Гарсиа Роблеси лареи еицроуит). Аекономист, иара убасгьы, Адунеизегьтәи Нобельтәи апремиа алауреат [[Гуннар Миурдаль]] иԥшәмаԥҳәыс, ашәҟәыҩҩы [[Иан Миурдали]], афилософ [[Сиселла Боки]], асоциолог [[Каи Фиольстери]] ран.
== Альва Миурдаль (Alva Myrdal). Анысмҩа ==
Альва Миурдаль диит [[ажьырныҳәамза 31]], [[1902]] шықәса рзы [[Уппсала]] ақалақь аҟны, Швециа. Илызҳаит аргылаҩ иҭаацәараҿы. Альва еснагь лаб инапы злакыз аусқәа зегьы дрызҿлымҳан. Лаб иакәзар, иусура анаҩсангьы, швециатәи асоциал-демократиатә партиа далахәылан. Альва Миурдаль иреиҳау аҵарадырра лоуит Стокгольмтәи ауниверситет аҟны. Анаҩс, лара аҵара лҵон Лондон, Леипциг, Стокгольм, Женева ақалақьқәа рҟны. Альва дызхысыз амаҭәарқәа рхыԥхьаӡараҿ иҟоуп асоциологиа, афилософиа, аԥсихологиа, апедагогика.
Альва Миурдаль аҭаацәара далалеит [[1924]] шықәса рзы. Уи длынасыԥхеит аекономист Гуннар Миурдаль, Стокгольм ақалақь аҟны аиуристтә практика знапы алакыз. Дара ирыхшеит хҩык ахшара — аԥа, анаҩс ишәҟәыҩҩхаз Иан Миурдали, аԥҳацәа —ифилософхаз Сиссела Боки, исоциологхаз Каи Фиольстери.
Альва Миурдаль аҵарадырра ахырхарҭа аҟны аус луан, [[1936]] шықәса инаркны [[1948]] шықәсанӡа. Ари аамҭа иалагӡаны лара ашколтә рҵаҩы лҟынтә адиректорра аҟынӡа днеит. Директорс даман лара иаԥылҵаз ашколқәранӡатәи аҵарадырразы Апедагогикатә институт, дагьықәгылон апедагогика аҟны апрогрессивтә методқәа ралагаларазы. Иара убри аамҭазы Альва Миурдаль аҵарадырра ареформа азуразы Акралратә комиссиа аилазаара далаҵахоит. Лара далхын ашколқәранӡатәи аҵарадырразы Адунеизегьтәи ахеилак акомиссиа аамҭалатәи ахантәаҩыс.
Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра аан ахҵәацәа рпроблемақәа аӡбараҿ дрыцхраауан, урҭ инеитралтәу Швециа акәшамыкәша ахыҵакырҭа иашьҭан. Альва Миурдаль Европа акультуратә цхыраара аҭаразы швециатәи атәылауаҩратә еиҿкаарақәа еизаку рхеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс дыҟан.
Адемографиеи асоциалтә реформақәеи рызҵаарақәа ирыдҳәалаз акыр акьыԥхьымҭақәа рнаҩс, Альва ауаажәларратә усуразы лкариера хацлыркуеит. [[1938]] шықәса инаркны [[1947]] шықәсанӡа лара аҳәса аусдкылаҩцәеи аусуҩцәеи Жәларбжьаратәи рфедерациа ахада ихаҭыԥуаҩ имаҵзура аанылкылон.
[[1949]] шықәса инаркны [[1955]] шықәсанӡа Еиду Америкатәи Аштатқәа, Ниуи- Иорк ақалақь аҟны Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара администрациа аҟны аус луан. Анаҩс, [[1961]] шықәсанӡа Швециа ацҳаражәҳәаҩыс Индиа дыҟан.
Миурдаль, [[1962]] шықәса инаркны [[1973]] шықәсанӡа, абџьар алгаразы Женеватәи ахеилак аилазаара аҟны швециатәи аделегациа хантәаҩра азылуан. Акраамҭа ИУНЕСКО асистема аҟны аус луан, абџьар алгара апроблемақәа лыӡбон. [[1967]] шықәса рзы Таге Ерландер исоциал-демократиатә кабинет аминистрцәа реилазаара далаҵан, абџьар алгара азҵаарақәа рзы ҷыдала аҭакзыԥхықәу усзуҩын.
Альва Миурдаль, [[1980]] шықәса рзы, Альберт Еинштеин ихьыӡ зху Адунеизегьтәи апремиа ланашьан. Ҩышықәса рнаҩс, абџьар алгаразы ллагала дуқәа рзы Альва Адунеизегьтәи Нобельтәи апремиа ланашьан. Лара ари аҳамҭа ду ицеиҩылшеит Альфонсо Гарсиа Роблес.
Альва Миурдаль илымаз агәыхь иахҟьаны лыԥсҭазаара аҵыхәтәантәи аҩышықәса стокгольмтәи ахәышәтәырҭа аҟны илхылгар акәхеит. Уа Альва лыԥсҭазаара далҵит жәабранмза 1, 1986 шықәса рзы.
== Жәларбжьаратәи аусура, абџьар алгара азықәԥара ==
Ҩажәижәабатәи ашықәсқәа рзы швециатәи асоциал-демократцәа анырра ӷәӷәа ҟарҵо иалагеит, иагьрылшеит асоциалтә реформақәа рымҩаԥгара. Хаҵеи ԥҳәыси Миурдаль еицырҩыз ашәҟәы аиҳабыра ирыҵанаҳәеит ахәыҷқәа зегьы рзы иҭышәынтәалоу аԥсҭазаара роуразы, насгьы рҭаацәа рфинанстә ҭагылазаашьа иахьыԥшымкәа рыҟазааразы аӡбамҭа рыдкылара. Ашәҟәы зҩыз ируаӡәкыз, зыхьӡ нагаз аҵарауаҩ Альва Миурдаль лакәзар, анхарҭа ала ауаа реиқәыршәаразы Аиҳабыратә хеилак далаҵан.
[[1935]] шықәса рзы, лара ауааԥсыра рызҵаарақәа рзы Акралратә комиссиа абжьгаҩыс дҟарҵоит, шықәсык анаҩс ашколқәранӡатәи аҵаразы апедагогигатә институт аԥылҵоит, [[1948]] шықәсанӡа уи адиректорсгьы дыҟан. [[1946]] шықәса рзы лара илымаз аԥышәеи аҳаҭыри ирыбзоураны Акралратә комиссиа аҵарадырразы ареформақәа рымҩаԥгаразы далаҵахоит.
Абарҭ ашықәсқәа рзы, Альва Миурдаль даара лроль дуун швециатәи аҳәса рполитикатәи рекономикатәи еиҟарара аиҿкаара аус аҟны. Аҳәса рџьа азы аҳәынҭқарратә комиссиа аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩ иаҳасаб ала, Миурдаль [[1935]]–[[1938]] шықәсқәа рзы есымзатәи аҳәса ржурнал, асоциал-демократиатә партиа иалаз иртәыз, редакторра азылуан. Аҳәса аусдкылаҩцәеи аусзуҩцәеи Стокгольмтәи реиҿкаара апрезидент-ихаҭыԥуаҩык иаҳасаб ала, 1935–1936 шықәсқәа рзы, Альва афеминизм азҵаарақәа рыӡбара лҽазылшәон, еиҳаракгьы аекономикатә хырхарҭа аҟны, аполитикатәи, мамзаргьы апсихологиатәи хырхарҭақәа рҟны акәымкәа.
Абас, маҷ-маҷ Альва Миурдаль лусура жәларбжьаратәи аҳаракыра аҟынӡа инаӡеит. [[1938]]–[[1947]]-тәи ашықәсқәа рзы аҳәса аусдкылаҩцәеи аусзуҩцәеи Жәларбжьаратәи рфедерациа напхгара алҭон. Ауниверситет аусзуҩцәа Жәларбжьаратәи афедерациа аҳәаақәа ирҭагӡаны Миурдаль ажәахә азыҟалҵеит аҭаацәара иалоу аҳәса рџьабаа зеиԥшроу азы.
Адунеизегьтәи аҩбатәи аибашьра аан, Швециаҟа хыԥхьаӡара рацәала ахҵәацәа аауа ианалага, Альва Миурдаль Европа акультуратә цхыраара азыҟаҵаразы ауаажәларратә еиҿкаара ахантәаҩы-ихаҭыԥуаҩыс дҟалеит. Аибашьра ашьҭахь лара есымчыбжьа иҭыҵуаз «Шведский путь» редакторра азылуан, уи акыр абызшәақәа рыла иҭрыжьуан, иара ахҵәацәа рассимилиациа арццакра иазынархан.
[[1946]] шықәса рзы Альва Миурдаль аҵарадырреи, анаукеи, акультуреи рызҵаарақәа рзы [[Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара]] [[Париж]]тәи аконференциа аҟны Швециа ахьӡала дықәгылеит. Шықәсык анаҩс лара «Ашколқәа рыла жәларбжьаратәи аилкаара» апроект аконсультантс дҟалоит, уи афинансттә цхыраара азыҟанаҵон ауаажәларратә ҵарадыррақәа рдепартамент [[ИУНЕСКО]]. Хышықәса рнаҩс Миурдаль Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара асоциалтә проблемақәа рзы адепартамент адиректорс дҟалоит. Ари аҭыԥ аҟны лара ауаа рзинқәа, аинформациатә хақәиҭра, аҳәса рҭагылазаашьа, арҩышьыгатә маҭәашьарқәа рыдкылара, ауааԥсыра рхыԥхьаӡара аизҳара уҳәа реиԥш иҟаз апроектқәа акоординациа рзылуан.
Асоциал-демократиатә партиа алахәылас лыҟазаара Миурдаль, усҟантәи аамҭазы лусқәа ирныԥшуамызт, акомитет аҟны аус шылуазгьы, аибашьра ашьҭахьтәи апартиа аполитика ашьақәгылара лнапы шалакызгьы, уи анаҩсгьы, [[1945]] шықәса рзы, Париж аџьа аиҿкааразы Жәларбжьаратәи аконференциа аҟны апартиа ахьӡала далахәын. Ус шакәызгьы, Альва Миурдаль Индиа швециатәи ацҳаражәҳәаҩыс дҟаҵан, Швециа аусутә гәыԥқәа рыбжьара, уи даара ацәажәарақәа шахылҿиаазгьы. Ас еиԥш ацәажәарақәа зыхҟьаз, Миурдаль лсоциалисттә дунеихәаԥшрақәа акыр гәҽанызаарыла иахьазыҟаз ауп. Лара илылаз аиҿкааратә ԥышәеи алшарақәеи ирыбзоураны индиааи урҭ рԥыза-аминистр Џьавахарлал Неруи рганахь ала даара ҳаҭыр зқәыз лакәны дыҟан.
[[1961]] шықәса рзы, Швециаҟа даныгьежь, Альва Миурдаль абџьар алгара азҵаарақәа рзы Адәныҟатәи аусқәа рминистр ицхырааҩ ҷыдас дҟалоит, уи инамаданы лара ари азҵаара инарҵауланы иҭылҵаар акәхеит. [[1962]] шықәса рзы швециатәи апарламент ахь иалхыз Альва швециатәи аделегациа напхгара алҭон, Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара абџьар алгаразы Женева имҩаԥнагоз аконференциа аҟны.
Миурдаль Альва Женева имҩаԥысуаз, иаламлази анеитралла зкызи атәылақәа, «аибашьра хьшәашәа» алагара иаҿагылоз ргәыԥ напхгара аҭо, абџьар алгара иадҳәалаз аиҿцәажәарақәа рҟны даараӡа лроль ӷәӷәан. Лара ари аҭагылазаашьазы лдунеихәаԥшышьеи, адунеи аҟны аибашьра апроблемеи лышәҟәы «Игра в разоружение: Как Соединенные Штаты и Россия раздувают гонку вооружений» аҟны иаалырԥшит.
[[1962]] шықәса рзы Альва убасгьы Риксдаг адепутатс далхын, [[1967]] шықәса рзы Таге Ерландер исоциал-демократиатә министрцәа ркабинет далалоит, абџьар алгара азҵаарақәа рзы ҷыдалатә аҭакԥхықәра змаз аӡәы лакәны, ус дагьыҟан Улоф Пальма иеиҳабыра рҟны апортфель змамыз министрны 1973 шықәсанӡа. 1966 шықәса рзы Альва Миурдаль дызхагылаз акомиссиа ажәалагала ҟанаҵеит адунеи апроблемақәа рыҭҵааразы Стокгольмтәи жәларбжьаратәи аинститут аԥҵаразы (СИПРИ). Лара адунеи аҟны аҭынчра ашьақәыргыларазы лџьабаа акыр апремиақәа рыла иалкаан.
== Евгеника ахырҟьарақәа ==
Зегьы ирдыруеит евгеника ҳәа ззырҳәо, араса ацқьара иадҳәалоу афашистцәа ргыгшәыграқәа ртәы. Аха, имаҷҩызар ҟалап издыруа анемец генетикцәа ари азҵаара аҭҵааразы Швециа шакәу аԥышәа аизырҳаразы аҵарадырра ахьроуаз. Евгеника - ари ауаҩы иганахь ала ахархәара зыҭаз селекциоуп, уи ала ауаажәларра рышьҭра арбзиара амҩақәа рыԥшаауан.
Швециа, ақалақь Уппсала аҟны, [[1921]] шықәса рзы амчрақәа рыдгылара иабзоураны иаԥҵан арасатә биологиа Аҳәынҭқарратә институт. Уи аусзуҩцәа ариитәи ажәларқәа егьырҭ, иаҳҳәозар, свеи, лаппы, финны реиԥш иҟоу раасҭа ишыҳаракыз шьақәдырӷәӷәон, урҭ аимшьҭрақәа ари атәыла аҵакырадгьыл аҟны аханатәгьы инхоз ракәын. Дара ирыԥхьаӡон араса ацқьара аилагара уи аԥсадахарахь, аччиахарахь ишкылнагоз.
Убас ишыҟаз ауп «иаԥсамыз» атәылауаа астерилизациа рзура ишазааиз. Ашведцәа ари апроцедура хатәгәаԥхарала имҩаԥысша акоуп ҳәа ирыԥхьаӡон, аха уи азын хатәгәаԥхарала агәазыҳәара зауз ҳәа уаҩ дҟамлеит. Убасҟан ауп асоциал-демократиатә партиа алахәыла Альва Миурдаль аидеологиатә платформа анаԥылҵа, азакәан аԥсахразы.
Астерилизациеи арыцқьареи «иаԥсамыз» ирзырхаз даара рҽазҵәылхны иашьҭалеит. Ичмазаҩцәаз, ариитәи араса иаҵанамкуаз, акрызмамыз, ирыцҳаз, зхала иҟаз анацәа, ахшарарацәа змаз, ацыганцәа, ауриацәа, зхымҩаԥгашьа ҽеимыз ауаа, иара убасгьы ахацәа згәазыҳәарақәа реиқәыкра уадаҩыз зегьы астерилизациеи арыцқьареи иахрыжьуан. [[1935]] шықәса инаркны [[1976]] шықәсанӡа ибжьанакыз аамҭахәҭазы мчыла астерилизациа зызуз ауаа рхыԥхьаӡара наӡеит 63-нызқьҩык рҟынӡа. Ари аус аанкыларазы, еиҳаракгьы [[Ниурнбергтәи апроцесс]] ашьҭахь, ашведцәа арҵаҩцәа нацистцәаны, ицәгьоуцәаны ианазхарҵа нахысгьы, ари аус аанкыларазы иҟаҵаз егьыҟамызт, ирыԥсахыз азакәан акәмызт, ара ирыԥсахит аинститут ахьӡ заҵәык. Абас ала, астерилизациа амҩаԥгара Швециа азеиԥш ҿиара апрограмма иахәҭакхеит, ари аус аҟны аҳәынҭқарра ишиашоу атәылауаа рҭаацәаратә ԥсҭазаара ахы аланагало иалагеит. Ас еиԥш швециатәи адемографиатә модель идеологцәас иҟалеит хаҵеи ԥҳәыси Альвеи Гуннари Миурдальаа, дара ауаажәларразы ихәарҭамхоз алахәылацәа астерилизациа рзура иадгылон.
Гуннар Миурдаль иоуп издырҳәало атезис, астерилизациа – ари ихадароу, зда ԥсыхәа ыҟам елементуп («великого социального процесса приспособления»), ауаҩы ҳаамҭазтәи ақалақьтәи аиндустриалтәи еилазаара дахәҭакны дҟаларц азы ҳәа. Альва Миурдаль лакәзар, агра змаз, аилазаара ирмыхәоз ауаа рыҿиара аанкылара аҭахуп ҳәа дықәгылон, абри аԥҳәыс лоуп [[1982]] шықәса рзы [[Адунеизегьтәи Нобельтәи апремиа]] занашьазгьы. Швециаа рзы ари иҭазырхоз ашьцыларазы аҵыхәтәантәи ԥсгагахеит, [[2012]] шықәса рзы ауаҩы ихаҵара- ԥҳәысра аниԥсахуа астерилизациа аҟаҵара хымԥадатәины аҟаҵара ахьаԥырхыз. Уи азакәан [[аконституциа]] еиланагоит ҳәа иԥхьаӡан зхаҭара шьақәыргылам ауаҩы ишшыԥхьыӡ ала.
== Адунеизегьтәи Нобельтәи апремиа ==
[[1982]] шықәса рзы «абџьар алгаразы ллагалазы» Альва Миурдаль Адунеизегьтәи Нобельтәи апремиа далауреатхеит, ари апремиа Альфонсо Гарсиа Роблеси лареи еиҩыршеит.
«…Лара лыхьӡ ахацәеи аҳәсеи еидызкыло факторхеит, урҭ иахьагьы агәра ргоит, ианамуӡах, ахшыҩ аԥыжәара шаго аматериа аасҭа», – абас лзиҳәеит Альва Миурдаль Нобельтәи ахеилак ахантәаҩы.
«Аха, иҟаҵатәу рацәоуп», – ҳәа азгәалҭеит Нобельтәи алекциа аҟны. Аиадертә арсеналқәа [[СССР]]-и [[Еиду Америкатәи Аштатқәа|Еиду Америкатәи Аштатқәеи]] рҟны реизырҳара дазааҭгыло, Миурдаль абас аҳәамҭа ҟалҵеит:
Аибашьра – ари уаҩшьроуп. Аруаа уи азын имҩаԥырго аҽазыҟаҵарақәа, аколлективтә уаҩшьра ауп иизырхоу. Аиадертә шәышықәсазы иҭахо рхыԥхьаӡара миллионла иҟалоит».
Лықәгылара хыркәшо, Миурдаль Альва илзыӡырҩуаз иргәалалыршәеит, аҵыхәтәантәи шәышықәса ирылагӡаны аҭынчратә конгрессқәа шымҩаԥырымгац – ус еиԥш мҩаԥымсыц Альфред Нобель ипремиа адунеи аҟны иаԥырҵеижьҭеи ҳәа. Лара ас еиԥш аконференциа аԥхьаҟа имҩаԥгазарц ааԥхьара ҟалҵеит.
Ареформақәа рыдгылаҩ европатәи адемократиатә социализм атрадициақәа рыла, Миурдаль лымҩа хацыркын амилаҭбжьаратә ҭынчратә еиҿкаара ала. Швециа Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара ианалала анаҩс, лара гәыҵхас илымаз аиҟарареи асоциалтә иашареи аҳаракыра ҿыц ахь ихалеит.
Аха, уи еиҳаз агәҭынчымра лара илызцәырызгоз абџьарлеибыҭаразы аҭыԥ змаз ахыццакра акәын. Ҳәарада, Миурдаль даараӡа дазгәдуун Швециа [[1968]] шықәса рзы аиадертә бџьар мап ахьацәнакыз, аха лара лгәынамӡара еснагь иаалырԥшуан, шықәсырацәала аиҿцәажәарақәа шымҩаԥысуазгьы, абџьарлеибыҭаразы аццакра аҭыԥ ахьамаз азы.
== Аҭаацәа ==
Альва Миурдаль лыԥшәма Гуннар Миурдаль Адунеизегьтәи Нобельтәи апремиа далауреатын аекономика ахырхарҭа ала, уи лыԥҳацәа ҩыџьа рахьтә руаӡәык – Сиселла Миурдаль-Бок – дфилософын, Каи Фиольстер – дсоциологын. Лԥа Иан Миурдаль – дышәҟәыҩҩын, джурналистын.
==Азхьарԥшқәа==
* [https://www.nobelprize.org/prizes/peace/1982/myrdal/biographical/ Alva Myrdal Biographical - The Nobel Prize] {{en icon}}
* [https://www.krugosvet.ru/enc/istoriya/MYURDAL_ALVA.html МЮРДАЛЬ, АЛЬВА - Енциклопедиа Круголет] {{Асаит архивтәра|url=https://web.archive.org/web/20210205160029/https://www.krugosvet.ru/enc/istoriya/MYURDAL_ALVA.html |date=2021-02-05 }} {{ru icon}}
* [https://piplz.ru/page-id-1522.html Мюрдаль Альва — биография, факты из жизни, фотографии, справочная информация - piplz.ru] {{ru icon}}
* [http://nobeliat.ru/laureat.php?id=184 Нобелевская премия мира 1982, Альва Мюрдаль (1902-1986) - http://nobeliat.ru/] {{Асаит архивтәра|url=https://web.archive.org/web/20210127131851/http://nobeliat.ru/laureat.php?id=184 |date=2021-01-27 }} {{ru icon}}
* [https://redday.ru/people/AlvMyrdal Альва Мюрдаль - redday.ru] {{Асаит архивтәра|url=https://web.archive.org/web/20210204111130/https://redday.ru/people/AlvMyrdal |date=2021-02-04 }} {{ru icon}}
* [https://www.liveinternet.ru/users/4373400/post429579921/ ПАМЯТИ АЛЬВЫ МЮРДАЛЬ - liveinternet.ru] {{ru icon}}
* [https://perta.ru/person/myurdal_alva/ Альва Мюрдаль швед. Alva Myrdal - Persona Grata] {{Асаит архивтәра|url=https://web.archive.org/web/20210205035046/https://perta.ru/person/myurdal_alva/ |date=2021-02-05 }} {{ru icon}}
* [https://ladstas.livejournal.com/503670.html Ужасы западной цивилизации - Евгеника - LIVEJOURNAL] {{ru icon}}
* [https://topwar.ru/160473-sterilizovat-nelzja-pomilovat-rasovaja-gigiena-po-shvedski.html – Стерилизовать, нельзя помиловать. Расовая гигиена по-шведски - Военное обозрение] {{ru icon}}
[[Акатегориа:Швециатәи аполитикцәа]]
[[Акатегориа:Швециатәи асоциологцәа]]
[[Акатегориа:Швециатәи адипломатцәа]]
[[Акатегориа:1902 шықәсазы ииз]]
[[Акатегориа:Ажьырныҳәамза 31 рзы ииз]]
[[Акатегориа:1986 шықәсазы иԥсыз]]
[[Акатегориа:Жәабранмза 1 рзы иԥсыз]]
60lqxvkrt4oox21bv7mtzsl5fnt0mpy
Фанон, Франц
0
27243
173292
156538
2026-09-06T01:44:47Z
InternetArchiveBot
15973
Rescuing 1 sources and tagging 0 as dead.) #IABot (v2.0.9.5
173292
wikitext
text/x-wiki
{{Акарточка ашәҟәыҩҩы}}
'''Франц Фанон''' ({{date|20|07|1925}}, [[Фор-де-Франс]], Мартиника — {{date|6|12|1961}}, [[ЕАА]]) – францыз бызшәала ицәажәоз вест-индиатәи револиуционеруп, социалтә философуп, психоаналитикуп. Ахԥатәи адунеи атәылақәа аколониа рхыхразы ареволиуциатә қәԥара аиҿкаара ҿыцқәа ридеиатә гәышьҭыхцәеи атеоретикцәеи дыруаӡәкуп.
==Анысмҩа ==
Франц Фанон – францыз бызшәала ицәажәоз вест-индиатәи револиуционеруп, социалтә философуп, психоаналитикуп. Ахԥатәи адунеи атәылақәа аколониа рхыхразы ареволиуциатә қәԥара аиҿкаара ҿыцқәа ридеиатә гәышьҭыхцәеи атеоретикцәеи дыруаӡәкуп.
Франц Фанон диит Франциа иаҵанакуаз адгьылбжьаха Мартиника Карибтәи амшын аҟны. Иара дырхылҵшьҭроуп милаҭла еилаԥсоу аҭаацәара: иаб – африкатәи атәцәа дырхылҵшьҭроуп, иан – ганкахьала Страсбургтәуп, Ельзас иаҵанакуа. Мартиника адгьылбжьахаҿы зегьы иреиӷьыз аҵаратә усҳәарҭаҿы аҵара иҵон, Lycée Schoelcher, уаҟа рҵаҩыс диман еицырдыруаз апоет Еме Сезер.
==Аҩбатәи адунеитә еибашьра ==
Аколониалтә ҿагыларазы Фанон игәаанагара шьақәырӷәӷәахеит Аҩбатәи адунеитә еибашьра ашықәсқәа раан. Анемеццәа Франциа ианақәла, 1940 шықәсазы Мартиника анхарҭақәа рҿы иҩназ авишисттә архәҭақәа амшынтә блокада иҭакхеит; ари аҩыза аҭагылазаашьаҟны лассы-лассы афранцыз солдаҭцәа рганахьала арасистә принципқәа рхы иархәаны ақәымчрақәа ҟарҵо иалагеит. Жәаа шықәса зхыҵуаз Фанон, аколониалтә расизм иреицәаз аформақәа зыблала избаз, адгьылбжьаха аҟынтәи дыбналеит британиатәи Доминикаҟа, уаҟа дрылалеит зхы иақәиҭу Франциа архәҭақәа. Убра иоуз аԥышәала анаҩс далалеит франциатәи ар реилазаара, дагьалахәын Франциа ахақәиҭтәра, хаҭала Ельзас имҩаԥысуаз аиҿахысрақәа. 1944 шықәсазы иоуз ахәра ӷәӷәа анаҩс ианашьан амедал Арратә џьар (Croix de Guerre). Аха Реин ианыр ашьҭахь Фанон дызлаз аполк «рыцқьан» арасатә еилыхрала: зцәа еиқәаҵәаз асолдаҭцәа зегьы, Францгьы убрахь дналаҵаны, шьҭахьҟа Тулонҟа идәықәҵан.
==Франциа==
1945 шықәсазы Фанон дхынҳәуеит Мартиникаҟа, аха абакалавриат аныхиркәша наунагӡа уантәи дцеит. Адгьылбжьахаҿы даныҟаз, Мартиника ахьӡала, Франциа Акоммунисттә партиа акандидат иаҳасабала Амилаҭтә еизара актәи ааԥхьарахь иқәгылаз имҩақәҵаҩы, иҩыза Еме Сезер иалхратә кампаниа активла ихы алаирхәт. Франциа даннеи, Фанон Лионтәи ауниверситет далгеит, уаҟа иара амедицинеи аԥсихологиеи иҵон, иара убас дырҭаауан афилософиеи, алитературеи, адраматургиеи ртеориақәа рзы алекциақәа. Аԥсихиатр идиплом иманы 1951 шықәсазы, Фанон Франсуа де Тосквилль инапхгарала азыҟаҵарақәа мҩаԥигон, изанааҭ ала аусурагьы далагеит.
1952 шықәсазы Фанон иҭижьит раԥхьатәи ишәҟәы «Черная кожа, белые маски». Уаҟа анализ рызун зцәа еиқәаҵәоу рколониалтә хьыԥшра иҽеим аԥсихологиатә хҟьаԥҟьақәа. Ари ашәҟәы, аханатә анапҩыра доктортә диссертациан, Фанон уи аҟны, Лионтәи ауниверситет аҟны аԥсихиатриеи амедицинеи анҭиҵаауаз иԥылоз арасизм аҭак ҟаиҵон. Адиссертациа мап анацәырк, Фанон иӡбеит уи шәҟәны икьыԥхьырц. Афилософиа адоктор иҩаӡара аиуразы диссертациак азирхиеит, даҽа темак ала. Афилософ Френсис Дженсон Фанон инапҩыра даԥхьан, ахьӡ ҿыц аиҭарц иабжьеигеит, иара иоуп аепилоггьы зҩыз. Дженсон Париж ашәҟәҭыжьырҭа редактор еиҳабыс дыҟан.
==Алжир==
1953 шықәсазы Фанон Франциа аанижьуеит, дцоит Алжирҟа, Аҩбатәи адунеитә еибашьраан иполк нхарҭас иахьрымаз. 1953 инаркны 1956 шықәсанӡа напхгара азиуан Алжир иҟаз Блида-Жуанвиль агоспиталь аԥсихиатриатә ҟәша. Уаҟа аус адиулеит аколониалтә ԥсихопатологиа арадикалтә теориа, иара убас ацхыраара риҭон Алжир амилаҭтә хақәиҭра афронт алахәылацәа. Фанон аколониализм азхәыцраҿ мацара дзаангыломызт, уи иҭахын аҭагылазаашьа ахаҭа иԥсахыр. Иара иусура хықәкыс иамаз ақәымчра анышәара акәмызт, ақәымчра ахҟьаԥҟьақәа рыхәышәтәра акәын. Иара иԥсахит ахәышәтәшьа аметодқәа, ахәҭакахьала, ипациентцәа знысыз ркультуратә еимадарақәа рышьақәыргыларазы далагеит асоциотерапиа. Иара убас, аҵара дирҵон амедеиҳәшьцәеи аинтернааи. Алжир ахәышәтәырҭаҿ аус аниуаз Фанон аҭакԥхықәра идлеит ачымазаҩ иԥсихологиатә стресс ахәышәтәразы, афранцыз солдаҭцәеи афицарцәеи аколониалтә ҿагылара ахәаҽразы ауаа рыргәаҟра зхы иазырхәоз. Убри инаҷыданы Фанон идыргәаҟуаз алжиртәи аҿагылаҩцәа ихәышәтәлар акәын. Анаҩс, Фанон еиликааит уаҳа шилымшоз, убри аҟнытә ахәышәтәырҭа аанижьуеит. Аусура данаҟәыҵ ашьҭахь Фанон алшара иоуит Алжир ахьыԥшымраз ақәԥараҟны еиҳа ацхыраара аҭаразы.
Алжиртәи ареволиуциа ианалага анаҩс, 1954 шықәса, ноиабр мзазы Фанон иҽадикылеит ахьыԥшымразы алжиртәи аиҿкаара, 1956 шықәсазы «Воин» («El Moudjahid») аредакторс дҟалоит — Тунис иҭыҵуаз агазеҭ алжиртәи амилаҭтә хақәиҭра Афронт акьыԥхьтә ҭыжьымҭа хада. Абасала, Франц Фанон дҟалеит ФНО аидеолог хадас, ахьыԥшымразы алжиртәи ақәԥаҩцәа инарылукааша аӡәы иакәны. Уи аамҭа иалагӡаны, иара атәыла аҩныҵҟа акыр дныҟәеит, иҭиҵаауан алжираа ркультуратә, рыԥсихологиатә ԥсҭазаара.
Ааԥын, 1956 шықәсазы иҩит еицырдыруа «Аминистр-арезидент иахь ԥхьатәаразы ашәҟәы», уаҟа шьаҭанкыла мап ацәикит ифранцызтә ассимилиациатә ааӡареи аҵарадырреи. Уи иалҵшәаны 1957 шықәса, ианвар мзазы Блида иҟаз агоспиталь аркын, Фанон франциатәи амчрақәа Алжир далырцеит. Иара Франциаҟа дхынҳәыр акәхеит, уаантәи маӡала Тунисҟа дцеит. 1960 шықәсазы Алжир аамҭалатәи анапхгаҩы Аҳмед Бен Белла Фанон ареспублика Гана ацҳаражәҳәаҩыс дҟаиҵеит. Цҳаражәҳәаҩык иаҳасабала иара дырҭаауан Аккра, Конакри, Аддис-Абеба, Леопольдвил, Каир, Триполи имҩаԥысуаз аконференциақәа. Ари аамҭазы иаԥиҵаз аҩымҭақәа еизгоуп иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь иҭыҵыз ашәҟәаҿы. Уаҟа Фанон иааиртуеит аибашьра атактикатә стратегиақәа: ахқәа руак аҿы иара далацәажәоит аибашьразы аладатәи афронт шаарттәу.
==Аԥсра==
Ахԥатәи афронт аартразы Сахара дахысны иныҟәараан Фанон алеикемиа изцәырҵит. Тунистәи аспециалистцәа иҟарҵаз абжьгарала иара Асовет Еидгылахь даахьан аҽыхәышәтәразы. СССР данаҭаа ашьҭахь ичымазара маҷк ихьаҵит, уи иалнаршеит иполитикатә уасиаҭ ахыркәшара – еицырдыруа ишәҟәы «Проклятьем заклеймённые» («Les damnés de la terre». Аиарҭа дамахаанӡа, Франц Фанон Гардимао, тунис-алжиртәи аҳәааҿы амилаҭтә хақәиҭра ар афицарцәа алекциақәа дырзаԥхьон. Аҵыхәтәантәи ивизит мҩаԥигеит Римҟа, Жан-Поль Сартр иахь, игәабзиара анеиҭашәа Америкаҟа дцеит. Франц Фанон иԥсҭазаара далҵит 1961 шықәса, декабр фба рзы Вашингтон акалҭ аҿы (Колумбиа аокруг) Бетесд, Ибрагим Фанон ихьӡ шихыз. Иара анышә дамардеит Алжир мрагыларатәи ахәҭаҿы.
==Иаԥҵамҭақәа==
1952 шықәсазы, Фанон иҭижьыз ашәҟәы «Чёрная кожа, белые маски» аҟны ӷәӷәала иаҿаԥиҽуеит арасизми аколониализми. Уи ахқәа руак аҿы иҳәоит шаҟа анырра ӷәӷәа инаҭаз, зцәа шкәакәоу афранцыз хәыҷы иан ианлызҿиҭуа: «Мама, бихәаԥш, анегр!» Аха Фанон ари аҭагылазаашьа даиааины, иҭахуп еиликаарц адунеи зегь аҟны аколониализм афеномен. Иара убри ашәҟәы аҵыхәтәантәи ахаҿы иара дазааҭгылоит «амалуаҩи атәи» еицырдыруа аконцепциа Гегель «Феноменологии Духа» аҟынтәи.
Фанон изы Алжир аколонизаторцәа рыҟазаара ҵаҵӷәыс иаман арратә мчра. «Ари амчра аҿагылара амчратә ҟазшьа амазароуп, избанзар убри абызшәа мацаралоуп аколонизатор дызлацәажәо. Абасала, амчратә ҿагылара – ари ихымԥадатәу аколонистцәа аколонизациа зызу ирыдырҳәало акоуп», – абас иҩуеит ишәҟәы «Проклятые с Земли» аҟны.
Иԥсҭазаара иалҵра егьагымкәа, 1961 шықәсазы, акьыԥхь абеит «Проклятьем заклеймённые» захьӡыз ишәҟәы. Франциа зкьыԥхьра азин ыҟамыз ари ашәҟәы иабзоураны, Фанон аоппозициатә интеллектуалцәа рыхдырраҿы аԥааимбар иҭыԥ ааникылеит.
Ажәлар рыргәаҟра аҭакс ареволиуциатә қәымчра ашәа азҳәо, Фанон анырра ӷәӷәа ҟаиҵеит Африкеи Латинтәи Америкеи рмилаҭ-хақәиҭратә еиҿкаараҟны еиԥш, мраҭашәаратәи атәылақәа ррадикалтә еиҿкаарақәа рҿгьы. Иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь иҭыжьын Фанон аҵыхәтәантәи иҩымҭа кьаҿқәа рыла ишьақәгылаз ашәҟәы-аизга — «К африканской революции». Фанон ари ашәҟәаҿы, егьырҭ инарываргыланы, арратә стратегны ихы ааирԥшит. Фанон ихшыҩҵакқәа аҿиара риҭеит Паулу Фреире. Иидеиақәа ирыцызҵо ҳәа рхы рыԥхьаӡон Апантера еиқәаҵәақәа.
Аколониализм апроблема – ари ауаҩытәыҩса иҟазшьа аҷыдарақәа иреиуоу аԥсымҭәра апроблема ауп. Афранцыз философ Жан-Поль Сартр, ихаҭа антиколониалтә позициа ааникылон, аколонизаторцәа рахь дшаҵанакуазгьы, иара даԥхьеит Фанон иԥсра шааигәахоз шидыруаз, иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи жәамчыбжь ирылагӡан ииҩыз ашәҟәы. Уи ишьақәнарӷәӷәон ақәымчра шыҟаз. Франц инаҵшьны иазгәеиҭоит рыцҳара дуны ишыҟоу ананамгацәа рзыҟазаашьа, зегьы ззеиԥшу аколонизаторцәа рзы ақәымчра иаҭаху акәны иахьахәаԥшуа. Дара рыԥсҭазаара акагьы иаԥсаӡам, аколонизаторцәа рыԥсра иадкылан уахәаԥшуазар.
==Зыԥсы зхыҵуа аколониализм==
«Зыԥсы зхыҵуа аколониализм» — ари Фанон ихшыҩырҵагоу иажәабжь ауп, уаҟа иаарԥшуп Алжиртәи ареволиуциа аан Алжир ажәлар шәышықәсалатәи ркультуратә модельқәа ԥсахны ажәытәӡатәи ркультуратә қьабзқәа жәпакы шрыдыркылаз, дара рколониалтә ргәаҟыҩцәа акыраамҭа ирхыччон урҭ ипримитивтәуп ҳәа. Ари ашәҟәы даара аҵакы ӷәӷәоуп: уаԥхьар – еилукаауеит Фанон изиҳәо аколонизациа зызу ауаа рзы «атапанча амазаара – ари уԥсра аҵакы аҭаразы шансзаҵәуп» ҳәа. Зегь реиҳа анырра ҟазҵаз астатиақәа иреиуоу «Иаарту Алжир» аагоуп, иара убас, абри ашәҟәы аҟынтә. Уи иаанагоит аимпериализм амчра акаҳара, иагьаанарԥшуеит ауаа ассимилиациа иацәцарц азы аколонизациа иаҿагыланы ишықәԥо.
==Азхьарԥшқәа==
*https://www.britannica.com/biography/Frantz-Fanon
*https://persons-info.com/persons/FANON_Frants
*https://www.nlobooks.ru/magazines/novoe_literaturnoe_obozrenie/161_nlo_1_2020/article/21969/
*https://sandinist.livejournal.com/609093.html
*http://www.juryurso.org/wp-content/uploads/2016/06/fanon_spivak.pdf
*https://librusec.pro/a/74665 {{Асаит архивтәра|url=https://web.archive.org/web/20210205085515/https://librusec.pro/a/74665 |date=2021-02-05 }}
*http://pomnipro.ru/memorypage25257/biography {{Асаит архивтәра|url=https://web.archive.org/web/20210204214755/http://pomnipro.ru/memorypage25257/biography |date=2021-02-04 }}
*http://redeurasia.narod.ru/biblioteka/zvetkov1.html
*https://librusec.pro/a/74665 {{Асаит архивтәра|url=https://web.archive.org/web/20210205085515/https://librusec.pro/a/74665 |date=2021-02-05 }}
*https://ru.thpanorama.com/articles/medicina/frantz-fanon-biografa-y-aportes.html {{Асаит архивтәра|url=https://web.archive.org/web/20210205192351/https://ru.thpanorama.com/articles/medicina/frantz-fanon-biografa-y-aportes.html |date=2021-02-05 }}
*https://afrikhepri.org/ru/peau-noire-masques-blancs-de-frantz-fanon/ {{Асаит архивтәра|url=https://web.archive.org/web/20201013105604/https://afrikhepri.org/ru/peau-noire-masques-blancs-de-frantz-fanon/ |date=2020-10-13 }}
[[Акатегориа:Аполитикцәа]]
[[Акатегориа:1925 шықәсазы ииз]]
[[Акатегориа:Ԥхынгәымза 20 рзы ииз]]
[[Акатегориа:1961 шықәсазы иԥсыз]]
[[Акатегориа:Ԥхынҷкәынмза 6 рзы иԥсыз]]
mjceyf391373vfkbbdysvooqx0ecrbx
Бреинрот ӷьычтәуп
0
49769
173288
165837
2026-09-05T20:02:18Z
~2026-48282-49
25936
173288
wikitext
text/x-wiki
'''Стеал а Бреинрот''', убасгьы '''{{PAGENAME}}''' (Steal a Brainrot) [[2025]] азы ахәмарҩцәа рацәа рзы иҟоу видеохәмарроуп, SpyderSammy иаԥиҵаз, насгьы [[Роблокс]] аҿы иҭыҵыз.
Ахәмарраҿы, ахәмарҩцәа аамҭа цацыԥхьаӡа аԥара зырҳауа [[Италиа|италиатәи]] абреинрот амем шьаҭас измоу аперсонажқәа Бреинротқәа аархәоит иагьырӷьычуеит.
{{Ацәаҳәа}}
[[Акатегориа:Роблокс]]
[[Акатегориа:Авидеохәмаррақәа]] 67 42 sigma farmano aura no passinho do sabor
tp7nvs99bj5g4cot8s1e61u2c5ecpoc
173289
173288
2026-09-05T20:02:26Z
Enbi
25521
Undid edits by [[Special:Contribs/~2026-48282-49|~2026-48282-49]] ([[User talk:~2026-48282-49|talk]]) to last version by Адаҟьақәах
173289
wikitext
text/x-wiki
'''Стеал а Бреинрот''', убасгьы '''{{PAGENAME}}''' (Steal a Brainrot) [[2025]] азы ахәмарҩцәа рацәа рзы иҟоу видеохәмарроуп, SpyderSammy иаԥиҵаз, насгьы [[Роблокс]] аҿы иҭыҵыз.
Ахәмарраҿы, ахәмарҩцәа аамҭа цацыԥхьаӡа аԥара зырҳауа [[Италиа|италиатәи]] абреинрот амем шьаҭас измоу аперсонажқәа Бреинротқәа аархәоит иагьырӷьычуеит.
{{Ацәаҳәа}}
[[Акатегориа:Роблокс]]
[[Акатегориа:Авидеохәмаррақәа]]
e6es07o7oxl3vrmkc9x7md8h3jytapl
Алахәыла:Ясамойла
2
52166
173281
163592
2026-09-05T15:30:53Z
Ясамойла
22737
дапаўненьне
173281
wikitext
text/x-wiki
{{babel|ab-0|be-4|ru-4|cu-4|uk-2|en-2|pl-2|sr-1|bg-1|mk-1|sh-1|rue-1|rsk-1|hsb-1|dsb-1|csb-1|cs-1|sk-1|sl-1|es-1|it-1|fr-1|la-1|lv-1|lt-1}}
gobnk1jojum89zzot138ylhquxl1l0a
173282
173281
2026-09-05T15:31:16Z
Ясамойла
22737
дапаўненьне
173282
wikitext
text/x-wiki
{{#babel:ab-0|be-4|ru-4|cu-4|uk-2|en-2|pl-2|sr-1|bg-1|mk-1|sh-1|rue-1|rsk-1|hsb-1|dsb-1|csb-1|cs-1|sk-1|sl-1|es-1|it-1|fr-1|la-1|lv-1|lt-1}}
luatecuhaezii3bbepvwvhxcyami04q
173286
173282
2026-09-05T15:38:13Z
Ясамойла
22737
дапаўненьне
173286
wikitext
text/x-wiki
{{#babel:ab-0|be-4|ru-4|cu-4|uk-2|en-2|pl-2|sr-1|bg-1|mk-1|sh-1|rue-1|rsk-1|hsb-1|dsb-1|csb-1|cs-1|sk-1|sl-1|es-1|it-1|fr-1|la-1|lv-1|lt-1}}
Жыву ў Эўропе.
nutqx7yscbuz5l477m79cgh1x3zleup
Арадио
0
56027
173290
173259
2026-09-06T00:12:07Z
InternetArchiveBot
15973
Rescuing 8 sources and tagging 0 as dead.) #IABot (v2.0.9.5
173290
wikitext
text/x-wiki
[[Афаил:Radio towers on Sandia Peak - closeup.jpg|thumb|300px|[[Альбукерке|Альбукерк]], Ниу-Мексико, Еиду Америкатәи аштатқәа рааигәара [[Сандия (горы)|Сандиа]] ашыкьымҭаз [[Антенна|арадиоантеннақәа]] реиуеиԥшымра. Аиагаратә антеннақәа лассы-лассы абааш ҳаракқәа, ма ашьха ақәцәақәа рҿы идыргылоит адырраҭара иреиҳаӡоу ахараразы]]
'''Арадио''' ({{lang-la|radiare, radio}} — «аушьҭра, ашәахәақәа рықәыԥхара, наҟ — ааҟ ашәахәақәа рықәыԥхара»; {{lang-la2|radius}} — «ашәахәа»), иара убас '''арадиоеимадара''' — [[Радиоволны|арадиоцәқәырԥақәа]] рыла хара-хара адырраҭарақәа рынашьҭышьа, иара убас ари азнеишьа шьаҭас иамоу афизикатә цәырҵрақәа рыҭҵаареи, уи аимадареи, ашьҭыбжьтә дырраҭареи, асахьақәа рыҭареи, асигнализациеи, ахылаԥшреи анапхгараҭареи, еиуеиԥшым аобиектқәа рыԥшаареи урҭ рҭыԥ аилкаареи уҳәа егьырҭ ахықәкқәа рзы ахархәареи ирыдҳәалоу аҭҵаарадырреи атехникеи рхырхарҭа<ref>{{БСЭ3|статья=Радио}}</ref>.
Атермин «радио» раԥхьаӡа акәны ахархәара аиҭеит англыз физик-ахимик [[Крукс, Уильям|Уилиам Крукс]] 1873 шықәсазы{{ref+|Ахимиатә експериментқәа раан Крукс аԥхарратәи алашаратәи шәахәақәа ршәаразы априбор еиҿикааит, «арадиометр» ҳәа ахьӡ аиҭеит<ref name="Меркулов"/>.|group="*"}}<ref name="Меркулов">''Меркулов В.'' [https://www.computer-museum.ru/connect/radio_zvuk.htm Когда радио «заговорило»] {{Асаит архивтәра|url=https://web.archive.org/web/20210614052835/https://www.computer-museum.ru/connect/radio_zvuk.htm |date=2021-06-14 }}// Радио, 2007. — № 10. — С. 6—9.</ref>, даҽакала иуҳәозар, [[Электромагнитные волны|афымцамхылдызтә цәқәырԥақәа]] рыла аелектронтә [[телеграф|телеграфтә]] еимадаразы раԥхьатәи апрактикатә ԥышәарақәа 20 шықәса раҟара шагызи, ари атермин ари аҭҵаарадырреи атехникеи рганахьала ахархәаразы жәларбжьаратәи абжьгарақәа рцәырҵра 30 шықәса шагызи.
[[Афаил:KHJ-AM,1927.jpg|thumb|Арадиодырраҭаратә станциа аппараттә хыбра, 1927 шықәса]]
== Аҭоурых ==
[[Афаил:TeslaWirelessPower1891.png|thumb|[[Тесла, Никола|Н. Тесла]] афымцатә енергиа аелектронтә дырраҭара ааирԥшуеит, 1891 шықәса]]
[[Крукс, Уильям|Уилиам Крукс]] афымцамхылдызтә цәқәырԥақәа рыҭареи рыдкылареи ртехниказы аекспериментқәа шымҩаԥимгозгьы, 1892 шықәсазы англиатәи азеиԥш профиль змоу ажурнал аҿы астатиа «афымцалашара ахархәаразы лшарақәак» аҟны ихыҭҳәаау адкылара-дырраҭаратә шьақәгыла дахцәажәо ихы иаирхәеит аилкаара «арадио». Атекст ала иҳәоу егьырҭ атерминқәа, «агенерациа», «адиапазон», «анырралшара», «алхра» уҳәа реиԥш иҟоу, анаҩс зегьы рхы иадырхәо иҟалеит<ref name="Меркулов"/>.
Афымцамхылдызтә цәқәырԥақәа (урҭ акраамҭа «Герц ицәқәырԥақәа» — «Hertzian Waves» ҳәа ирышьҭан) рыҭареи рыдкылареи рзы иҟаҵатәу аԥҵаҩыс дрыԥхьаӡоит анемец ҵарауаҩ [[Герц, Генрих Рудольф|Генрих Герц]]. Иара иоуп 1886-1888 шықәсқәа рзы иԥышәарақәа рыла [[Максвелл, Джеймс Клерк|Џь.Максвелл]] ииҳәахьаз афымцамхылдызтә цәқәырԥақәа шыҟоу шьақәзырӷәӷәаз. Алассы — лассра ду змоу афымцамхылдызтә ҵысрақәа роуразы иара ихы иаирхәеит [[Вибратор Герца|асимметриатә вибратор]]и [[катушка Румкорфа|Румкорф акәанҷ]]и, урҭ рҭаҩразы-ацәқәырԥақәа риндикатор (рдетектор) афункциақәа назыгӡоз ацыԥхьтә бжьаӡара маҷ змоу аихатәы рамка асахьа змоу имариаӡоу адкылага<ref>''Меркулов В.'' 120 лет весьма быстрых колебаний. {{Cite web|url=http://www.computer-museum.ru/connect/gerc_120.htm|title=Виртуальный компьютерный музей.|publisher=www.computer-museum.ru|access-date=2017-05-08|archive-date=2017-04-13|archive-url=https://web.archive.org/web/20170413200415/http://www.computer-museum.ru/connect/gerc_120.htm|url-status=live}}</ref>. Адкылага даҽа вариантк иаанарԥшуан адырдырга аиагага еиԥш, аха ацыԥхьтә бжьаӡара маҷны<ref name="автоссылка1">{{Cite web |url=http://www.computer-museum.ru/connect/histra09.htm |title=Экспериментальные работы Генриха Герца. Виртуальный компьютерный музей |access-date=2015-09-06 |archive-date=2018-06-06 |archive-url=https://web.archive.org/web/20180606030528/http://www.computer-museum.ru/connect/histra09.htm |url-status=live }}</ref>. Абарҭ ахархәагақәа роуп [[радиосвязь|арадиоеимадара]] амҩаԥгаразы ахархәара зауз аԥҵамҭақәа жәпакы хацзыркыз<ref name="ЧистяковНачало">''Чистяков Н. И.'' [https://radi0.ru/knigi-i-stati/nachalo-radiotehniki-fakty-i-interpretatsiya/ Начало радиотехники: факты и интерпретация] {{Асаит архивтәра|url=https://web.archive.org/web/20220930173402/https://radi0.ru/knigi-i-stati/nachalo-radiotehniki-fakty-i-interpretatsiya/ |date=2022-09-30 }}// Вопросы истории естествознания и техники. — 1990. — № 1.</ref>. Аха Герц идкылага анырралшара ахьыҳаракымыз, ирыдыркылоз асигналқәа рхылаԥшразы иманшәаламыз азнеишьа иалнаршон урҭ адкылара аиагага 8-10 м иацәыхараны мацара амҩаԥгара. Убри аҟнытә ирыдыркылоз асигналқәа рырӷәӷәаразы азнеишьақәа ԥшаатәын. Ари ахырхарҭала раԥхьатәи алҵшәа ду иоуит 1889 шықәса рзы [[Лодж, Оливер Джозеф|Оливер Лоџь]] Великобританиа<ref name="автоссылка1"/>.
Афымцатә сигнал аелектронтә дырраҭаразы раԥхьатәи апатент иоуит 1872 шықәсазы америкатәи аҭҵааҩы, занааҭла истоматологыз [[Лумис, Малон|Малон Лумис]], 1866 шықәсазы аелектронтә еимадара азнеишьа шаԥҵаз азы аҳәамҭа ҟазҵаз. Еиду Америкатәи Аштатқәа рҿы аелектронтә еимадара аԥҵаҩыс дрыԥхьаӡоит [[Хьюз, Девид Эдвард|Девид Хьиуз]] (1878), иара убас [[Эдисон, Томас Алва|Томас Едисон]] (1876), [[Никола Тесла]] (1891 шықәсазы арезонанс-трансформатор змоу аиагагатә хархәага апатент<ref name="Шапкин"/>); Германиа — [[Герц, Генрих Рудольф|Генрих Герц]] (1888); Франциа — [[Бранли, Эдуард|Едуард Бранли]] (1890); [[Балкантәи адгьылбжьахабжа|балкантәи атәылақәа]] жәпакы рҿы — Никола Тесла (1891); Бразилиа — Ландела де Мору (1893-1894); Великобританиа — [[Лодж, Оливер Джозеф|Оливер Џьозеф Лоџьа]] (1894); Индиа — [[Бос, Джагдиш Чандра|Џьагадиш Чандру Боше]] (1894-1895); Урыстәыла — [[Попов, Александр Степанович|Александр Степан-иԥа Попов]]и (1895) [[Наркевич-Иодко, Яков Оттонович|Иаков Наркевич-Иодко]]и (1890).
[[Афаил:Marconi's Coherer Receiver at Oxford Museum History of Science.jpg|thumb|left|Маркони идкылага, 1896 ш.]]
Мраҭашәаратәи атәылақәа рҿы ателеграфтә сигнал аелектронтә дырраҭара раԥхьатәи ақәҿиара змоу асистема аԥҵаҩыс дыԥхьаӡоуп италиатәи анџьныр [[Маркони, Гульельмо|Гульельмо Маркони]] (1895-1896)<ref>{{Cite web |url=http://www.britannica.com/eb/article-9050813/Guglielmo-Marconi |title=Guglielmo Marconi//Encyclopaediz Britannica |access-date=2008-01-08 |archive-date=2008-06-20 |archive-url=https://web.archive.org/web/20080620003753/http://www.britannica.com/eb/article-9050813/Guglielmo-Marconi |url-status=live }}</ref><ref name="Попов">[http://www.britannica.com/eb/article-9060849/Aleksandr-Popovi Aleksandr Popov//Encyclopaediz Britannica]</ref><ref>{{Cite web |url=http://rybkin.h16.ru/ogonek1.htm |title=Маркони начинает и выигрывает |access-date=2017-06-03 |archive-url=https://web.archive.org/web/20170825062546/http://rybkin.h16.ru/ogonek1.htm |archive-date=2017-08-25 |url-status=dead }}</ref>.
[[Афаил:Popov's radiostation, 1901.jpg|thumb|А. С. Попов идкылага, 1901 ш.]]
[[СССР]]-и уаанӡатәи аидгылатә республикақәеи рҿы аелектронтә телеграф аԥҵаҩцәа дыруаӡәкуп ҳәа дыԥхьаӡоуп [[Попов, Александр Степанович|А.С. Попов]]<ref name="Попов"/><ref>{{Cite web|url = http://www.computer-museum.ru/connect/marconi_1.htm|title = Какое радио изобретал Маркони|author = |date = |publisher = |access-date = 2008-01-07|archive-date = 2008-01-20|archive-url = https://web.archive.org/web/20080120044344/http://www.computer-museum.ru/connect/marconi_1.htm|url-status = live}}</ref>. Афизикатә кабинет аҿы, анаҩс Аминатә офицартә класс иаҵанакуа абаҳчаҿы имҩаԥгаз аԥышәарақәа рҿы Попов иприбор афымцамхылдызтә цәқәырԥақәа ршәахәақәа аԥшаауан аиагага 60 м рҟынӡа иацәыхараны. 1895 шықәса мшаԥы 25 (лаҵара 7) рзы Петербург имҩаԥысуаз аурыс физика-химиатә еилазаара аилатәараҿы Попов иааирԥшит аилатәара аԥкаанҵаҿы ишарбоу ала, «аҳауатә фымцалашараҿы ирласны аҵыс-ҵысра аарԥшра иазку априбор»<ref name=":0"/>. СССР 1945 шықәса раахыс лаҵара 7 [[День радио|арадио иамш]]ны иазгәарҭо иалагеит.
Франциа аелектронтә телеграфиа аԥҵаҩыс акраамҭа дыԥхьаӡан [[когерер]] (Бранли итрубка) аԥҵаҩы Едуард Бранли (1890)<ref>[http://www.galaxidion.com/home/catalogues.php?LIB=barale&CAT=11781 TSF : Livres anciens, rares, d’occasion sur Galaxidion] {{Асаит архивтәра|url=https://web.archive.org/web/20111129121911/http://www.galaxidion.com/home/catalogues.php?LIB=barale&CAT=11781 |date=2011-11-29 }}{{In lang|fr}}</ref><ref>[http://www.radiopassion.be/Histoire_de_la_radio.htm Rendons à César ce qui appartient César] {{Асаит архивтәра|url=https://web.archive.org/web/20080107022452/http://www.radiopassion.be/Histoire_de_la_radio.htm |date=2008-01-07 }}{{In lang|fr}}</ref>.
Индиа афымцамхылдызтә цәқәырԥақәа аелектронтә дырраҭара ааирԥшуеит 1894 шықәсазы Џьагадиш Чандра Боше<ref>[http://web.mit.edu/varun_ag/www/bose_real_inventor.pdf Jagadish Chandra Bose: The Real Inventor of Marconi’s Wireless Receiver] {{Асаит архивтәра|url=https://web.archive.org/web/20150616085529/http://web.mit.edu/varun_ag/www/bose_real_inventor.pdf |date=2015-06-16 }}; Varun Aggarwal, NSIT, Delhi, India</ref><ref name="Mukherji3-10">Mukherji, Visvapriya, Jagadish Chandra Bose, second edition, 1994, pp. 3-10, Builders of Modern India series, Publications Division, Ministry of Information and Broadcasting, Government of India, ISBN 81-230-0047-2</ref>.
Раԥхьа арадиоцәқәырԥақәа абжьы аиагаразы рхы иадырхәомызт. Арадиосигнал ашьҭыбжьтә сигнал ала апромодулиациа азура раԥхьа еилызкааз Канадатәи аԥҵаҩы [[Фессенден, Реджинальд Обри|Реџьинальд Фессенден]] иакәын, уи арацәа [[микрофон]] ацыԥхьтә дырраҭага антена аҭел аимҟьара иалеиҵеит. Абас ала ԥхынҷкәынмза 23, 1900 шықәса рзы Фессенден 1 миль ахьыбжьоу ашьҭыбжьтә сигнал аҭара мҩаԥигеит. Абжьы акыр ишеицакызгьы, апрактикатә хархәаразы ишхәарҭамызгьы, ари аексперимент иаанарԥшит атехникатә усдуларақәа ашьҭыбжьтә дырга аиагара еиӷьыртәыр шалшо. Анаҩстәи аекспериментқәа рҿы арадиосигнал ахыҵхырҭа аҳасабала Фессенден ихы иаирхәеит 50 кГц рҟынӡа иҟоу [[Александерсон, Эрнест|Ернст Александерсон]] афымцамашьынатә ҽеиҭакратә генератор ([[альтернатор Александерсона|Александерсон альтернативатор]]). Брант-Рок 128 м иҳараку уаанӡа иргылаз антенна ихы иархәаны (аштат Массачусетс иҟоу [[Бостон]] аладахьшәа Атлантика ахықәан аиланхарҭа хәыҷы), ԥхынҷкәын 24, 1906 шықәсазы иара адунеи аҿы раԥхьатәи арадиодырраҭаратә шьҭыбжьтә дырраҭара мҩаԥигеит<ref>''Самохин В. П.'' [http://technomag.edu.ru/doc/441974.html Памяти Реджинальда Фессендена (с приложением «Александерсон Эрнест»)] {{Асаит архивтәра|url=https://web.archive.org/web/20201109074651/http://technomag.edu.ru/doc/441974.html |date=2020-11-09 }}// Наука и образование, научное издание МГУ им. Баумана, 8 августа 2012 года.</ref>.
'''Арадио аԥҵамҭа аҭоурых аетап хадақәа''', арадиоеимадара атеориеи апрактикеи рыҿиара аганахьала, абас иҟоуп:
* 1820 — даниатәи аҵарауаҩ, афизик [[Эрстед, Ханс Кристиан|Ганс Кристиан Ерстед]] иааирԥшит афымца зҭоу аҭел амахылдыз зыхьшьу акомпас ахыц мап шацәнакуа.
* 1829 — америкатәи афизик [[Генри, Джозеф|Џьозеф Генри]] [[Лейденская банка|леидентәи абанкқәа]] рԥышәарақәа раан игәеиҭеит рфымцатә разриадқәа аихатәы гәырқәа ахьыбжьоу амхылдызркра шцәырырго.
* 1831 — англыз физика-химик [[Фарадей, Майкл|Маикл Фарадеи]] [[Электромагнитная индукция|афымцамхылдызтә индукциа]] ацәырҵра ааиртит.
* 1837 — анемец физик, астроном Карл Огаст фон Штаинхаил ҩ-цәаҳәак змоу ателеграфтә аппарат аҟазшьақәа ҭҵаауа ишьақәиргылеит аҭелқәа руак аԥыхны ателеграфтә коммуникациазы аҭел заҵә ихы иаирхәар шилшоз. Уи иахылҿиааит аҭелқәа рыҩбагьы аԥыхны ателеграф асигналқәа адгьыл ала рынашьҭра алшоит ҳәа агәаанагара, астанциақәа еимаздо аҭелқәа рыда.
* 1845 — [[Фарадей, Майкл|Маикл Фарадеи]] [[Электромагнитное поле|афымцамхылдызтә дәы]] аилкаара алеигалеит.
* 1854 — ашотланд Џьеимс Боумен Линдси аӡы ала аелектронтә телеграфиа асистемазы апатент иоуит.
* 1859 — анемец физик [[Феддерсен, Беренд Вильгельм|Беренд Феддерсен]] ԥышәарыла ишьақәирӷәӷәеит леидентәи абанкақәа рразриадқәа аефиртә ҵысратә процессқәа аусура ишалаго.
* 1860 — 1865 — англыз физик [[Максвелл, Джеймс Клерк|Џьеимс Кларк Максвелл]] иаԥиҵеит [[Уравнения Максвелла|афымцамхылдызтә дәы атеориа]].
* 1866 — [[Лумис, Малон|Малон Лумис]] аҳәамҭа ҟаиҵеит аелектронтә еимадашьа шааиртыз азы. Аимадара мҩаԥысуан аҳауатә маҭқәа ҩба ишьҭырхыз афымцатә ҭелқәа ҩба рыла: руак (аартыга аманы) [[радиопередатчик|арадиодырраҭага]] [[антенна|антена]] акәын, аҩбатәи — [[радиоприёмник|арадиодкылага]] антена акәын. Ҭелк адаҷ адгьыл [[Размыкание|ианахыртлак]]-даҽа ҭелк адаҷ аҿы агальванометр ахыц наскьон.
* 1868— Малон Лумис иҳәеит Еиду Америкатәи Аштатқәа Рконгресс ахаҭарнакцәа рҿаԥхьа иԥышәарақәа шеиҭеиҳәаз, асигналқәа 14-18 миль ахьыбжьоу шриҭаз.
* 1872 — Уилиам Генри Вард мшаԥы 30 рзы иҭоуп Еиду Америкатәи Аштатқәа апатент № 126356 «Ателеграф аҟаҵаразы афымцалашара аизгаразы аиӷьтәрақәа» захьӡу. Апатент инақәыршәаны «атмосфераҿы афымцатә ҿыгҳара» ателеграфтә ҭел аҳасабала асигналқәа ныҟәнагар алшон.
* 1872 — Ԥхынгәы 30 рзы Малон Лумис Еиду Америкатәи Аштатқәа рпатент иоуит 129971 «Ателеграфиаҿы аиӷьтәра» аелектронтә еимадаразы. Аҳәынҭқарра Ахада [[Грант, Улисс|Агрант]] «Лумис» аԥышәарақәа рфинанстәразы азакәан инапы шаҵаиҩызгьы аԥаразоужьра аартымызт<ref>{{cite web|url=http://www.computer-museum.ru/connect/loomis.htm|title=Махлон Лумис Виртуальный компьютерный музей История компьютеров в СССР и за рубежом|access-date=2013-04-16|archive-date=2013-05-10|archive-url=https://web.archive.org/web/20130510203339/http://www.computer-museum.ru/connect/loomis.htm|url-status=live}}</ref>. Лумис иԥышәарақәа шымҩаԥысуаз азы ииашоу дыррак, иара убас иаппаратқәа рыҵәаӷәанҵақәагьы еиқәымхеит. Америкатәи апатентгьы Лумис ихы иаирхәаз ахархәагақәа инарҭбааны рыхцәажәара амаӡам.
* 1878 — 1879 — англыз, америкатәи аԥҵаҩы [[Хьюз, Девид Эдвард|Девид Хьиуз]] [[Катушка Румкорфа|аиндукциатә катушка]] аус адулараан иааирԥшит шәкы-шәкы иард инареиҳаны инацәыхараны асигналқәа рыԥшаара алыршара. Иара 1880 ш. Аҳ иуаажәларра дшырзаартыз дирдырит, аха иколлегацәа агәра идыргеит зыӡбахә ҳәоу аиндукциа шакәу<ref>{{Cite web |url=http://www.ufn.ru/ufn92/ufn92_4/Russian/r924d.pdf |title=История изобретения и исследований когерера<!-- Заголовок добавлен ботом --> |access-date=2008-01-06 |archive-date=2016-03-04 |archive-url=https://web.archive.org/web/20160304060102/http://www.ufn.ru/ufn92/ufn92_4/Russian/r924d.pdf |url-status=live }}</ref><ref>{{cite web|url=http://www.computer-museum.ru/connect/hughes.htm|title=Дэвид Эдвард Юз и открытие радиоволн Виртуальный компьютерный музей История компьютеров в СССР и за рубежом|access-date=2013-04-16|archive-date=2013-11-06|archive-url=https://web.archive.org/web/20131106025616/http://www.computer-museum.ru/connect/hughes.htm|url-status=live}}</ref>;
* 1879 — 1879 шықәса жьҭаарамза анҵәамҭазы [[Хьюз, Дэвид Эдвард|Девид Едвард Хьиуз]] алкаа ҟаиҵеит аиагаратә схема аиндукциатә катушка ақәгара шалшо, избанзар ишьақәиргылеит иарбанызаалак афымцатә цыԥхь ателефон аҿы абжьы шыбзоуроу. Анаҩсан, Хьиуз аиагагеи адкылагеи еиуеиԥшым ауадақәа ирҭеиҵан, априборқәа уажәшьҭа еиԥишьуамызт. Адкылага, аиагага 6 футк иацәыхараны иаҿакын аҭел — раԥхьатәи антеннақәа ируакуп. Ажәакала, раԥхьатәи антеннақәа руак [[Гальвани, Луиджи|Луиџьи Гальвани]] (1737-1798) иԥышәарақәа рҿы ицәырган, уаҟа детекторс иҟан адаӷь апрепарат ҿыц.
* 1882 — [[Долбеар, Эймос Эмерсон|Еимос Емерсон Долбеар]] аҭелтә [[телефон|ҭел]] аԥышәарақәа раан иаԥиҵеит аелектронтә еимадаразы ахархәага. Аха ирыдгалоу аметод хара-хара еимыху астанциақәа рыбжьара ажәаҳәа, ма асигналқәа рыҭара аеффект шалшоз, ма ишыҟанаҵоз азы ршаҳаҭгак ыҟаӡам<ref>{{Книга|ссылка=https://en.wikisource.org/wiki/Page%3AEB1911_-_Volume_26.djvu/560|заглавие=Encyclopaedia Britannica|год=1911|страницы=531|volume=26|archive-date=2022-01-27|archive-url=https://web.archive.org/web/20220127101101/https://en.wikisource.org/wiki/Page%3AEB1911_-_Volume_26.djvu/560}}</ref>. Иара [[Ведомство по патентам и товарным знакам США|апатенттә биуро]] ахь азыҳәа ҟаиҵеит, жьҭаара 5, 1886 шықәсазы «афымцатә коммуникациа Азнеишьа» азы апатент иоуит<ref>US Patent № 350.299, A.E. Dolbear «Mode of Electric Communication». Patented Oct. 5, 1886.</ref>.
* 1883 — ирландиатәи апрофессор [[Фицджеральд, Джордж Френсис|Џьорџь Френсис Фицџьеральд]] ажәалагала ҟаиҵеит аефиртә ҵысрақәа максвеллтәи ацәқәырԥақәа ирхыҵхырҭаны рхы иадырхәаларц, аха урҭ ацәқәырԥақәа ашәҟәы ишҭагалатәу ихаҿы изаагомызт, убри аҟнытә атеориа цқьа азирхеит.
* 1885 — америкатәи аԥҵаҩы [[Эдисон, Томас Алва|Томас Алва Едисон]] лаҵара 23 рзы апатенттә зыҳәа № 166455 алеиҵеит (ишьақәырӷәӷәоуп ԥхынҷкәын 29, 1891 ш., Еиду Америкатәи Аштатқәа апатент № 465971) «афымцатә сигналқәа рыҭашьа» азы. 1888 ш. Еиду Америкатәи аштатқәа рҿы Асыԥса Ду аан ари адырраҭара асистема рхы иадырхәон асы зқәыжьыз адәыӷбақәа рҟынтәи аелектронтә дырраҭарақәа рышьҭреи роуреи рзы (иҟалап ари арыцҳара асигналқәа рышьҭразы аелектронтә телеграфиа раԥхьатәи қәҿиарала ахархәара акәзар: иԥхасҭахаз адәыӷбақәа ирылшеит Т. А. Едисон ителеграф асистемала аимадара рыбжьаҵара).
* 1885 — 1892 — Натан Стабблефилд зыхьӡыз [[Кентукки|Кентуккатәи]] (ЕАА) афермер иаԥиҵеит ашьҭыбжьтә алассы-лассратә индукциа шьаҭас измаз ахархәага. Асигнал аиагаразы рхы иадырхәон арадиочастота акәымкәа, адгьыл ашьҭыбжьтә мҩангара.
* 1886 — 1888 — анемец физик [[Герц, Генрих Рудольф|Генрих Герц]] ишьақәирӷәӷәеит «Максвелл» аматематикатә мҩала ииҳәахьаз афымцамхылдызтә цәқәырԥақәа шыҟоу (агенератори адкылагеи еиуеиԥшым наҟ-ааҟтәи рҭагылазаашьақәа раан аԥышәарақәа). Герц [[Вибратор Герца|адырдырга]] ҳәа ззиҳәаз ахархәага ахархәарала афымцамхылдызтә сигналқәа хара-хара, ҭелда рыҭареи рыдкылареи рзы қәҿиарала аԥышәарақәа мҩаԥигеит.
* 1890 — афранцыз физик, анџьныр [[Бранли, Эдуар|Едуар Бранли]] иаԥиҵеит афымцамхылдызтә цәқәырԥақәа рҭаҩразы априбор, арадиокондуктор (ԥыҭрак ашьҭахь — [[когерер|акогерер]]) ҳәа зыхьӡиҵаз. Бранли иԥышәарақәа рҿы [[антенна|антеннақәа]] аҭел ахҵәахақәа раҳасабала ихы иаирхәоит. Едуар Бранли иԥышәарақәа рылҵшәақәа кьыԥхьын «Аелектрикцәа Жәларбжьаратәи реилазаара Абиуллетени» Франциатәи Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аҳасабырбақәеи рҿы.
* 1890 — урыстәылатәи аҵарауаҩ [[Наркевич-Иодко, Яков Оттонович|Иаков Оттон-иԥа Наркевич-Иодко]] адыд-мацәыс зцу аразриадқәа рҭаҩразы ихы иаирхәеит арадиодкылагатә хархәагақәа ркомпонент хадақәа змоу априбор-антеннеи адгьыли, иара убас аҭелтә трубкеи. Априбор иалнаршон афымцатә разриадқәа атмосфераҿы ашәҟәы рҭагалара 100 км рҟынӡа.
* 1891-1892- Британиатәи аԥошьҭатә усбарҭа анџьныр хада Уилиам Прис қәҿиарала иԥишәон километрақәак (5 км рҟынӡа) еимыху агаҿа адкылара-дырраҭаратә станциақәа (Бристольтәи аӡыбжьахалагьы убрахь иналаҵаны) рыбжьара Морза анбан ала аиндукциатә сигналқәа рыҭара.
* 1891 — [[Никола Тесла]] ([[Сент-Луис]], Аштат [[Миссури (штат)|Миссури]], Еиду Америкатәи Аштатқәа) алекциақәа раан ауаа ирбо-ираҳауа дахцәажәеит арадиосигнал хара-хара аиагара апринципқәа.
* 1892 — англыз [[Крукс, Уильям|Уилиам Крукс]] раԥхьаӡа акәны системала дахцәажәеит афымцамхылдызтә цәқәырԥақәа рыла аинформациа аиагара апринципқәа.
* 1893 — Тесла арадиодырраҭага апатент аиҭеит, амазгәыҭтә [[антенна]] аԥиҵоит, уи ахархәарала 1895 ш. арадиосигналқәа 30 миль инацәыхараны ириҭеит<ref name="cq">{{Cite web |url=http://news.cqham.ru/articles/detail.phtml?id=822 |title=Ко дню Радио |access-date=2008-01-06 |archive-date=2013-11-12 |archive-url=https://web.archive.org/web/20131112152413/http://news.cqham.ru/articles/detail.phtml?id=822 |url-status=live }}</ref>.
* 1893-1894 рыбжьара — бразилиатәи апап, аҵарауаҩ [[Роберто Ланделл де Мора]] арадиосигнал аиагаразы аекспериментқәа мҩаԥигеит. Урҭ рылҵшәақәа иара ирылеиҳәомызт 1900 ш., аха ашьҭахь бразилиатәи апатент иоуит.
* 1894 — апрофессор Ерих Ратенау Берлин амҵан зыццакра лаҟәу афымцамхылдызтә цәқәырԥақәа рыла асигналқәа рыҭаразы аекспериментқәа мҩаԥигеит.
* 1894 — [[Маркони, Гульельмо|Гульельмо Маркони]], апрофессор [[Риги, Аугусто|Аугусто Рига]] идеиақәа рныррала, Генрих Герц инекролог аҿы ииҳәаз, арадиотелеграфиазы аекспериментқәа дрылагоит (раԥхьа — адырдырга Герци когерер Бранли рыла)<ref name="comments.ua">{{Cite web |url=http://comments.ua/?art=1183702106 |title=газета «КОММЕНТАРИИ». Знать и понимать |access-date=2008-01-06 |archive-date=2009-01-18 |archive-url=https://web.archive.org/web/20090118133758/http://comments.ua/?art=1183702106 |url-status=live }}</ref>. 1894 шықәсазы имҩаԥыргоз Маркони иԥышәарақәа шьақәзырӷәӷәаша усҟантәи аҩыратә ршаҳаҭгақәа ҳәа акгьы ыҟаӡам аха.
* 1894 — британиатәи афизик [[Лодж, Оливер Джозеф|Оливер Лоџь]]и Александр Мирхеди аелектронтә телеграфиазы аԥышәарақәа раԥхьатәи иаартны дырбара Оксфордтәи ауниверситет аԥсабаратә ҭоурых Амузеи атеатр аҿы имҩаԥысуаз алекциаҿы. Арбараан асигнал ааигәа иҟаз Кларендоновтәи акорпус аҿы иҟоу алабораториаҟынтәи идәықәҵан, атеатр аҿы априбор ала ирыдыркылеит 40 м ахьыбжьоу. Лоџьа иаԥиҵаз «афымцамхылдызтә цәқәырԥақәа рыдкылара ашәҟәҭагаларазы априбор» иалан арадиокондуктор — «Бранли итрубка» (Алоџьа «когерер» ҳәа хьӡыс изиҭаз) аршәшәага, афымцалашара ахыҵхырҭа, агальванометр. Акогерер аршәшәаразы, «Герц ицәқәырԥақәа» рахь имаз ацәанырра аамҭа-аамҭала аиҭашьақәыргылара хықәкыс иҟаҵаны, анаҩс рхы иадырхәон ма аҵәҵәа, мамзаргьы ажьаҳәа-ҿарԥага змаз арыԥҟьатә механизм.
* Абҵарамза, 1894 — [[Калькутта]] ақалақь Аратуш аҿы сер [[Боше, Джагадиш Чандра|Џьагадиш Чандра Боше]] миллиметрак иҟоу асигнал аелектронтә дырраҭаразы аԥышәарақәа иаартны раарԥшра ауп. Уи адагьы, Боше иаԥиҵеит аџьуатә [[когерер]], аус аниуа маха-шьахала аршәшәара зҭахым
* 1895 — англыз физик [[Резерфорд, Эрнест|Ернест Резерфорд]] арадиоцәқәырԥақәа рдетектҟаҵаразы иԥышәарақәа рылҵшәақәа икьыԥхьит рхыҵхырҭа хԥа аԥшьба миль инацәыхараны. Арадиоцәқәырԥақәа рыдкыларазы, Резерфорд Герц ирезонатор хаирҭәааит аҭел ҵаӷа иалху акәанҷ ала, аҩныҵҟа амахылдыз зыхьшьу аџыр гәыр аманы. Арадиоцәқәырԥатә импульсқәа рныррала-агәыр амхылдызра амырхуан, уи акәын амагнитометр иаанарԥшуазгьы.
* Лаҵарамза 7, 1895 — [[Санкт-Петербург]] имҩаԥысуаз [[Русское физико-химическое общество|Аурыс физика-химиатә еилазаара]] аилатәараҿы, [[Александр Степанович Попов|Александр Степан-иԥа Попов]] алекциа «аихатәы ххырақәа афымцатә ҵысрақәа ишырзыҟоу азы» даԥхьоит, уаҟа Лоџьа афымцамхылдызтә сигналқәа рыла аԥышәарақәа еиҭаҳәо иааирԥшуеит уаанӡа Лоџьа ихы иаирхәахьаз зеиԥшла еиԥшу априбор. Убри аан Попов аиӷьтәра аконструкциа иалеигалеит. Попов иприбор аҷыдарақәа ируакын акогерер (Бранли итрубка) зыршәшәоз ажьаҳәа, уи уаанӡа еиԥш асааҭтә механизм аҟынтәи акәымкәа, зегь реиҳа ирыдыркылоз арадиоимпульс аҟынтәи аус ауан<ref name="Никольский">''Никольский Л. Н.'' [http://stasm.moeradio.ru//raznoe/hystory/hystory_041.html Кто «изобрёл» радио] {{Асаит архивтәра|url=https://web.archive.org/web/20200311041851/http://stasm.moeradio.ru//raznoe/hystory/hystory_041.html |date=2020-03-11 }}</ref>. Уи адагьы иалагалан априбор аусура анырреи аҭышәынтәалареи шьҭызхуа [[реле|ареле]]. Иаахҵәаны иаҳҳәозар, Попов иприбор «афымцатә ҵысрақәа рыԥшаареи рҭаҩреи рзы априбор» ҳәа азҳәатәуп акогерер автоматла иршәшәаны. 1895 шықәса лаҵарамзазы априбор [[Лесной институт|Абнатә институт]] аметеостанциаҿы аҳауатә електромагниттә цәқәырԥақәа рыкра иазыманшәалан. Априбор ахьӡ — «аразриадотметчик» (ашьҭахь, «[[грозоотметчик|адыд-мацәыс зкуа]]») аиҭеит Аурыс физика-химиатә еилазааразы А. С. Попов иҩыза, иколлега, Абнатә институт афизика акафедра ашьаҭаркҩы [[Лачинов, Дмитрий Александрович|Д. Лачинов]] 1895 шықәса ԥхынгәымзазы зкурс «аметеорологиеи аҳауаҭҵаареи Рышьаҭақәа» 2-тәи аҭыжьымҭаҿы раԥхьаӡа акәны «аразриадметчик Попов» ихымҩаԥгашьа апринцип аазырԥшыз — убри ауп апрототип раԥхьатәи ахҳәаа<ref name=":0">Журнал Русского физико-химического общества. Т. XXVII. Вып. 8. С. 259 — декабрь 1895.</ref><ref>''Лачинов Д. А.'' Основы метеорологии и климатологии. — СПб, 1895. С. 460.</ref><ref>''Ржонсницкий Б. Н.'' Дмитрий Александрович Лачинов. — М.—Л.: Госэнергоиздат, 1955</ref>.
* Ааԥын 1895 ш. — Маркони арадиосигнал шәкы-шәкы метра аҭара илиршеит<ref name="Шапкин">''Шапкин В. И.'' Радио: открытие и изобретение. — Москва: ДМК ПРЕСС, 2005. — 190 с., 98 ил.</ref>.
* Рашәарамза 2, 1896 ш. — Маркони апатент азы азыҳәа ҟаиҵеит.
* Цәыббрамза 2, 1896 — Маркони раԥхьаӡа акәны Солсбери акаршәраҿы иаԥҵамҭа аусура ауаа ирбо-ираҳауа иааирԥшит, арадиограммақәа 3 км ахьыбжьоу инаишьҭит<ref>{{cite web|url=http://www.computer-museum.ru/connect/marconi_1.htm|title=Какое радио изобретал Маркони Виртуальный компьютерный музей История компьютеров в СССР и за рубежом|access-date=2013-04-16|archive-date=2013-05-10|archive-url=https://web.archive.org/web/20130510204154/http://www.computer-museum.ru/connect/marconi_1.htm|url-status=live}}</ref>.
* 1897 — Оливер Лоџь арезонанстә лассра архиара апринцип аԥиҵеит<ref name="rp">{{Cite web |url=http://radioman-portal.ru/history/1/?page=11 |title=Летопись радиотехники: 1895—1899 |access-date=2008-01-06 |archive-url=https://web.archive.org/web/20150621210923/http://radioman-portal.ru/history/1/?page=11 |archive-date=2015-06-21 |url-status=dead }}</ref>.
* Ԥхынгәымза 2, 1897 — Маркони британиатәи апатент № 12039 иоуит «Аиагаратә аппарат аҿы афымцатә импульсқәеи асигналқәеи рыҭараҿы аиӷьтәрақәа». Зеиԥшла Маркони идкылага Попов идкылага еиҭанаҳәон, (еиӷьтәрақәак аманы)<ref name="Никольский"/>, уи аиагага — [[Риги, Аугусто|Рига]] аиӷьтәрақәа змоу [[Герц, Генрих Рудольф|Герц]] ивибратор. Шьаҭанкыла иҿыцын адкылага аханатә ателеграфтә аппарат иахьаҿакыз, аиагага Морза ацаԥха иахьадҳәалаз, уи ауп арадиотелеграфиатә еимадара алзыршазгьы. Маркони адкылагеи аиагагеи рзы аурак змоу антеннақәа ихы иаирхәеит, уи иалнаршеит аиагага амчхара иаалырҟьаны ашьҭыхра; уи адагьы [[детектор Маркони|Маркони идетектор]] [[детектор Попова|Попов идетектор]] аасҭа акырӡа ианыруан, уи Попов ихаҭагьы иазхеиҵон<ref>{{Cite web |url=http://www.gpntb.ru/win/mentsin/mentsin2d1c9.html |title=Н. И. Чистяков. Начало радиотехники: факты и интерпретация |access-date=2020-04-28 |archive-date=2020-01-25 |archive-url=https://web.archive.org/web/20200125045923/http://www.gpntb.ru/win/mentsin/mentsin2d1c9.html |url-status=live }}</ref>.
* Ԥхынгәымза 6, 1897 — Маркони Италиатәи арра-мшынтә базаҿы [[Специя (город)|Специа]] алаԥшҳәаа ацәаҳәа иахҟьаны ажәақәа «Viva l’Italia» аанашьҭит — 18 км ахьыбжьоу<ref>{{cite web|url=http://www.computer-museum.ru/connect/marconi_2.htm|title=Когда и кем было изобретено радио Виртуальный компьютерный музей История компьютеров в СССР и за рубежом|access-date=2013-04-16|archive-date=2013-05-10|archive-url=https://web.archive.org/web/20130510191849/http://www.computer-museum.ru/connect/marconi_2.htm|url-status=live}}</ref>.
* Абҵарамза, 1897 — Маркони «Бормот» иадҳәалоу о.Уаит аҿы раԥхьатәи еснагьтәи арадиостанциа аргылара (23 км.)<ref name="acmi">{{Cite web |url=http://www.acmi.net.au/aic/MARCONI_ITALY.html |title=Adventures in CyberSound |access-date=2008-01-07 |archive-url=https://web.archive.org/web/20071103084812/http://www.acmi.net.au/AIC/MARCONI_ITALY.html |archive-date=2007-11-03 |url-status=dead }}</ref>.
* Ԥхынҷкәынмза 18, 1897 — Попов Аурыс физика-химиатә еилазаара аилатәараҿы адырдырга «Герци» ихатә конструкциа адкылагеи ихы иархәаны (абжьаӡара — 230 м рҟынӡа) Урыстәыла раԥхьатәи [[Радиограмма|арадиограмма]] ииҭеит: «Герц»<ref name="Никольский"/>.
* Ажьырныҳәамза, 1898 — арадио аус аҿы раԥхьатәи ахархәара ауп. Маркони (асыԥса иахҟьаны ателеграфтә ҭелқәа ахьҿахҵәаз анаҩс) Уельстәи ажурналистцәа [[Гладстон, Уильям Юарт|Уилиам Гладстон]] дызгаша ичымазара азы иҟарҵаз адырраҭарақәа риҭеит<ref name="comments.ua"/><ref>{{Cite web |url=http://www.india-whisky.org.uk/index_files/Page396.htm |title=madasafish<!-- Заголовок добавлен ботом --> |access-date=2009-08-27 |archive-date=2009-08-18 |archive-url=https://web.archive.org/web/20090818025241/http://www.india-whisky.org.uk/index_files/Page396.htm |url-status=live }}</ref>.
* Лаҵарамза, 1898 — Маркони раԥхьаӡа акәны архиаратә система ихы иаирхәеит.
* 1898 — Маркони иааиртит Великобританиа раԥхьатәи [[Челмсфорд]] иҟоу «аелектронтә телеграф азауад», уаҟа аусура иалагеит 50-ҩык.
* 1898 — А.С. Попов Аурыс Техникатә Еилазаара апремиа ианашьара 1898 ш. «афымцамхылдызтә ҵысрақәа рыдкылагеи ҭелда ателеграфҟаҵаразы априборқәеи раԥҵаразы»<ref name="chist">{{Cite web |url=http://www.computer-museum.ru/connect/radiojab.htm |title=Н. И. Чистяков. Ошибки в изложении истории надо исправить |access-date=2008-01-07 |archive-date=2007-12-13 |archive-url=https://web.archive.org/web/20071213150314/http://www.computer-museum.ru/connect/radiojab.htm |url-status=live }}</ref>.
* Хәажәкырамза 3, 1899 — арадиоеимадара адунеи аҿы раԥхьаӡа акәны амшынтә еиқәырхаратә операциаҿы қәҿиарала ахархәара аҭан: арадиотелеграф ахархәарала аӷба каҳаит «Масенс» («Mathens») акомандеи апассаџьырцәеи еиқәырхоуп<ref name="rp"/><ref name="acmi"/>.
* Лаҵарамза, 1899 — Попов ицхырааҩцәа [[Рыбкин, Пётр Николаевич|П. Рыбкин]]и [[Троицкий, Дмитрий Семёнович|Д.С. Троицки]]и акогерер адетектортә еффект рбеит. Ари аеффект шьаҭас иҟаҵаны, Попов аҭелтә трубкахь асигналқәа рыдкыларазы идкылага еиӷьитәит, «аҭелтә дкылага депеш» ҳәа апатент аиҭеит.
* 1899 — сер Џьагадиш Чандра Боз ([[Калькутта]]) аџьуатә [[когерер]] аԥиҵеит.
* 1900 — адгьылбжьахақәа [[Гогланд]]и [[Кутсало]]и рыбжьара арадиоеимадара қәҿиарала ахархәара аҭан амшынтә еиқәырхаратә операциаҿы — Гогланд азааигәара [[Генерал-адмирал Апраксин (броненосец)|аԥшаҳәатә хьчара акәылӡыӷба «Аинрал-адмирал Апраксин»]] аӷӷара ахыхра. Адгьылбжьаха Гогланд арадиостанциахь арадиотелеграфтә дырраҭарақәа аауан 25 миль инацәыхараны иҟоу, [[Котка]] иҟоу Урыстәылатәи Арра-Мшынтә база аиагаратә станциа аҟынтәи, уи ателеграфтә цәаҳәа Санкт-Петербург Адмиралтеира иадҳәалан. Аелектронтә телеграфҟаҵара аппаратура афирма Диукрете иҟанаҵеит. Арадиограммақәа [[Ермак (ледокол, 1898)|аҵааԥҽыга «Ермак»]] ала реимдара иалҵшәаны иара убасгьы еиқәырхан Финтәи аԥсыӡкыҩцәа [[Финский залив|Финтәи аӡыбжьахала]]ҿы аҵаа ҿыхны<ref>{{Cite web |url=http://www.nkj.ru/archive/articles/4597/ |title=Изобретение радио. Кто был первым? {{!}} № 3, 2006 год {{!}} Журнал «Наука и жизнь» |access-date=2008-01-08 |archive-date=2008-01-15 |archive-url=https://web.archive.org/web/20080115005446/http://www.nkj.ru/archive/articles/4597/ |url-status=live }}</ref><ref>{{Cite web |url=http://rustrana.ru/article.php?nid=31567 |title=Броненосец береговой обороны "Генерал-адмирал Апраксин" |access-date=2007-03-03 |archive-date=2007-03-03 |archive-url=https://web.archive.org/web/20070303173321/http://rustrana.ru/article.php?nid=31567 |url-status=dead }}</ref>
* 1900 — Маркони арадио архиаратә системазы апатент № 7777 иоуит («Oscillating Sintonic Circuit»).
* 1900 — афирма Диукрете аппаратура харҭәаан ахәаахәҭратә марка «Попов — Диукрете» ала иҭрыжьуаз ателеграфтә сигналқәа рлымҳа адкыларазы апатент змоу Поповтәи ҭелтә дкылага ала<ref name="Дюкрете">{{Cite web|url=http://nauchebe.net/2014/02/apparatura-iz-komplekta-iskrovoj-stancii-besprovolochnogo-telegrafa-proizvodstva-firmy-dyukrete-1904-g/|title=Аппаратура из комплекта искровой станции беспроволочного телеграфа производства фирмы Дюкрете 1904 г.|publisher=nauchebe.net|lang=ru|access-date=2020-01-19|archive-date=2020-01-23|archive-url=https://web.archive.org/web/20200123085607/http://nauchebe.net/2014/02/apparatura-iz-komplekta-iskrovoj-stancii-besprovolochnogo-telegrafa-proizvodstva-firmy-dyukrete-1904-g/|url-status=live}}</ref>.
* 1900 — Попов иусумҭақәа ахьтәы медал Дуи адипломи рыла иалкаан Париж имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи афымцатехникатә цәыргақәҵаҿы<ref name="cq"/>.
* Ԥхынҷкәынмза 12, 1901 — Маркони Англиеи [[Ньюфаундленд|Ниуфаундленд]]и рыбжьара атрансатлантикатә радиеимадара раԥхьатәи асеанс мҩаԥигеит 3200 км ахьыбжьоу (анбан «S» [[Азбука Морзе|Морза анбан]] иаиҭеит). Уаанӡа уи шьаҭанкыла ҟалашьа амам ҳәа иԥхьаӡан.
* 1904 — 1905 — [[русско-японская война|аурыс-иапонтәи аибашьра]], аибашьратә хҭысқәа рҿы арадиоеимадара раԥхьатәи массала ахархәара<ref>''Алексеев Т. В.'' Рождённая в горниле русско-японской войны. Радиосвязь в русской армии.// [[Военно-исторический журнал]]. — 2009. — № 5. — С.52-56.</ref>.
* 1905 — Маркони асигналқәа хырхарҭала рыҭаразы апатент иоуит.
* 1906 — [[Фессенден, Реджинальд Обри|Реџьинальд Фессенден]]и [[Форест, Ли де|Ли де Форест]]и ирбеит зыццакра лаҟәу асигнал ала арадиосигнал [[Амплитудная модуляция|амплитудатә модулиациа]] азура алыршара, уи иалнаршеит аефир аҿы ауаҩытәыҩсатә жәаҳәа аҭара.
* 1909 — Маркони [[Браун, Фердинанд|Ф.Браун]]и афизиказы [[Нобелевская премия|Нобель ипремиа]] ранашьара «аелектронтә телеграфиа аҿиараҿы рылшамҭақәа разхаҵаразы»<ref>{{Cite web |url=http://n-t.ru/nl/fz/marconi.htm |title=Маркони (Marconi), Гульельмо. Лауреаты Нобелевской премии. Наука и техника |access-date=2008-01-08 |archive-date=2016-03-05 |archive-url=https://web.archive.org/web/20160305043116/http://n-t.ru/nl/fz/marconi.htm |url-status=live }}</ref>.
* 1916 — раԥхьатәи иааиԥмырҟьаӡакәа арадиодырраҭара — аштат [[Висконсин]] аҿы Морза икод аҿы иаарышьҭуа амш ауп.
* 1919 — еилыргоу ауаҩытәыҩса ицәажәашьа раԥхьатәи арадиодырраҭара.
* 1920 — акоммерциатә радиотранслиациа алагара.
* 1924 — СССР арадиодырраҭара алагара.
* 1933 — [[Армстронг, Эдвин|Едвин Армстронг]] ажәалагала ҟаиҵеит арадиодырраҭаразы ацәаҳәаҭбаатә [[Частотная модуляция|алассы-лассратә модулиациа]] (ЧМ) ахархәара аҭазарц, абри аамҭазы иҭҵаарақәа рылҵшәақәа рыла ԥшь-патентк иоуит.
* 1946 — СССР арадиодырраҭара [[Метровые волны|МВ]] ЧМ<ref>''Миркин В. В.'' К истории советской радиосвязи и радиовещания в 1945—1965 гг.// Вестник Томского государственного университета. История. 2013, № 1 (21). — С. 202.</ref> алагамҭа<ref>{{Cite web|url=http://www.computer-museum.ru/connect/krugi6.htm|title=Виртуальный компьютерный музей|publisher=www.computer-museum.ru|access-date=2017-10-18|archive-date=2017-10-24|archive-url=https://web.archive.org/web/20171024203811/http://www.computer-museum.ru/connect/krugi6.htm|url-status=live}}</ref>.
* 1995 — Адунеи аҿы Норвегиа ([[Осло]]) раԥхьатәи ацифратә радиодырраҭара.
* 2007 — Европа ицәырҵит ацифратә радиодырраҭара [[DAB+]] астандарт.
* 2017 — Ԥхынҷкәын 13 рзы Норвегиа аҵыхәтәантәи FM-дырраҭагақәа аҵыхәтәантәи раҿыхра.
Арадиоеимадара аԥҵара хацнаркит [[радиоастрономия|арадиоастрономиа]], [[радиометрология|арадиометрологиа]], [[радионавигация|арадионавигациа]], [[радиолокация|арадиолокациа]], [[Радиоэлектронная разведка|арадиоԥшыхәра]], [[Радиоэлектронная борьба|арадиоҿагылара]]<ref>Из истории изобретения и начального развития радиосвязи: Сб. док. и материалов/ Сост. Л. И. Золотинкина, Ю. Е. Лавренко, В. М. Пестриков; под. ред. проф. В. Н. Ушакова. — СПб.: изд-во СПбГЭТУ «ЛЭТИ» им. В. И. Ульянова (Ленина), 2008. — 288 с. — ISBN 5-7629-0932-8</ref> реиԥш иҟоу анаука-техникатә хырхарҭақәа, афымцалашара аҭҵаареи аҿиареи рҿы стимулны иҟалеит, аелектроника шьаҭас иаиуит.
== Аусура апринцип ==
[[Афаил:Signal processing system-ab.svg|thumb|300px|Ашьҭыбжьтә информациа [[микрофон|амикрофон]] афымцатә дырга ахь ииасуеит, уи [[Радиопередатчик|аиагага]] иаԥнаҵо [[радиоволны|арадиоцәқәырԥақәа]] амодулиациа рзнауеит. Адкылага арадиоцәқәырԥақәа аднакылоит, амодулиациатә дырга еиҭашьақәнаргылоит, шьҭахьҟа ауаҩы изы иманшәалоу [[Громкоговоритель|абжьырдуга]] аформа ахь иианагоит]]
[[Афаил:Amfm3-en-de.gif|thumb|300px|Амплитудеи (АМ) алассы-лассреи (FM) рыла амодулиациа зызу арадиоцәқәырԥақәа реиҿырԥшра]]
Аиагаратә ган аҿы ([[радиопередатчик|арадиодырраҭага]]ҿы) иаԥҵахоит зыццакра ҳараку иалкаау алассы-лассра асигнал ([[несущий сигнал|изго асигнал]], «изго алассы-лассра»). Уи иақәырҵоит ирыҭатәу [[информация|аинформациатә]] дырга (абжьы, асахьа уҳәа), — изго алассы-лассра аинформациатә сигнал ала [[модуляция|амодулиациа]] мҩаԥысуеит. Амодулиациа зызу асигнал [[Электромагнитное излучение|арадиоцәқәырԥақәа]] раҳасабала аҭыԥ ахь аиагаратә [[Антенна|антена]] иахылҵуеит.
Арадиоцәқәырԥақәа рыдкыларҭатә ган аҿы [[радиоприёмник|арадиодкылага]] иахьҭало адкыларҭатә антенна аҿы зыццакра ҳараку афымца ҟарҵоит. [[Фильтр (электроника)|Афильтрқәа]] рсистема антенна иақәыргылоу афымца рацәа рҟынтәи еиуеиԥшым арадиодырраҭагақәеи егьырҭ арадиоцәқәырԥақәа рхыҵхырҭақәеи рҟынтәи иалкаау анагаратә лассра змоу асигнал алнахуеит, [[Детектор (радиотехника)|адетектор]] уи аҟынтәи амодулиациатә информациатә (ихәарҭоу) дырга еиҭашьақәнаргылоит. Иҳауа асигнал арадиодырраҭага иаанашьҭуа маҷк еиԥшымзар алшоит еиуеиԥшым [[Электромагнитная помеха|аԥырхагақәа]] рнырра иахҟьаны.
== Алассы-лассратә диапазонқәа ==
[[Афаил:Modulated radio signal frequency spectrum.svg|thumb|upright|Амплитуда-модулиациа зызу арадиосигнал [[Частота|алассы-лассратә]] спектр шьақәгылоуп [[Несущий сигнал|изго алассы-лассреи]] («C») [[Боковая полоса частот|аганахьтәи ацәаҳәақәеи]] («SB») рыла изго иҩахыкны, илаҟәны, урҭ роуп амодулиациатә сигнал аинформациа назго.]]
{{кратное изображение
| зона = right
| направление = horizontal
| заголовок = Адырраҭаратә антеннақәа:
| зона_заголовка = center
| зона_подписи = center
| изобр1 = 2008-07-28 Mast radiator.jpg
| ширина1 = 118
| подпись1 = {{center|{{small|абжьарашәышықәсатә радиостанциа;}}}}
| изобр2 = FM broadcasting antenna Willans Hill.jpg
| ширина2 = 114
| подпись2 = {{center|{{small|Арадиостанциа УКВ;}}}}
| изобр3 = Superturnstile Tx Muehlacker.JPG
| ширина3 = 110
| подпись3 = {{center|{{small|Ателехәаԥшратә аиагага ДМВ адиапазон}}}}
}}
[[Афаил:KWNR Continental 816R-5B SN 247.jpg|thumb|upright|УКВ ЧМ арадиостанциа KWNR аиагага, [[Лас-Вегас]], зымчхара 35 кВт иҟоу]]
[[Афаил:SuperDISH121.jpg|thumb|upright=0.5|Аҩны ахыб аҿы [[Спутниковая антенна|аспутниктә еимадара антенна]]]]
{{кратное изображение
| зона = right
| направление = horizontal
| заголовок =
| зона_заголовка =
| фон_заголовка =
| Подпись изображения =
| зона_подписи = center
| фон_подписи =
| ширина =
| изобр1 = HA0478-006 (6011470974).jpg
| ширина1 = 140
| изобр2 = Cell-Tower.jpg
| ширина2 = 108
| подпись = {{small|Аҩныҵҟатәи антенна змоу ҳаамҭазтәи амобилтә ҭел «(армарахь)». Еиуеиԥшым х-ҳак рантеннақәа амобилтә еимадара абааш «(арыӷьарахь)»}}
}}
[[Афаил:Radio-Telephone.jpg|thumb|upright|Аӷбатә УКВ арадиостанциа иааигәоу аимадаразы]]
* Алассы — лассра лаҟәқәа (километрак иҟоу ацәқәырԥақәа) — f = 30-300 кГц (λ = 1-10 км).
Арадиодырраҭареи ателехәаԥшреи рыпрактикаҿы ахархәара амоуп [[радиодиапазон|арадиодиапазонқәа]] ирмариоу реихшара:
* Идуӡӡоу ацәқәырԥақәа (СДВ) — мириаметр иҟоу ацәқәырԥақәа;
* Ацәқәырԥа хәхәақәа (ДВ) — километрак иҟоу ацәқәырԥақәа;
* Абжьаратә цәқәырԥақәа (СВ) — гектарк иҟоу ацәқәырԥақәа;
* Ацәқәырԥа кьаҿқәа (КВ) — адекаметртә цәқәырԥақәа;
* Аультракьаҿ цәқәырԥақәа (УКВ) — 10 м иреиҵоу ацәқәырԥақәа.
Адиапазон зеиԥшроу еиԥш, арадиоцәқәырԥақәа ирымоуп рхатәы ҷыдарақәеи аларҵәара азакәанқәеи:
* [[Длинные волны|ДВ]] [[Ионосфера|ионосфера]] акыр иахәлабгоит, аҵакы хада рымоуп адгьылтә цәқәырԥақәа, урҭ адгьыл иахыкәшо ирылаҵәоит. Урҭ ринтенсивра, аиагага иацәыхарахацыԥхьаӡа, ирласны еиҵахоит;
* [[Средние волны|СВ]] ионосфера ҽынла акыр иахәлабгоит, арҿиара араион адгьылтә цәқәырԥа иҳәаақәнаҵоит, ахәылбыҽха ионосфера ибзианы ианыԥшуеит, арҿиара араион ианыԥшуа ацәқәырԥа иҳәаақәнаҵоит;
* [[Короткие волны|КВ]] хара-хара иаҵанакуеит ионосфера аныԥшрала мацара, аиагага акәша-мыкәша иҟоуп [[зона радиомолчания|арадиоҿымҭра азона]] ҳәа изышьҭоу, уи ашәагаа аиагаратә антена аҟазшьарбагақәеи, арадиосигнал алассы-лассреи, ионосфера аҭагылазаашьеи ирхьыԥшуп. Ҽынла еиҳа еиӷьны ирылаҵәоит еиҳа икьаҿу ацәқәырԥақәа (алассы-лассра ҳаракы змоу), уахынла еиҳа иауу (зыццакра лаҟәу). Иманшәалоу аҭагылазаашьақәа раан ацәқәырԥа кьаҿқәа хара-хара ирылаҵәар алшоит аиагага амчхара анмаҷу;
* [[Ультракороткие волны|УКВ]] ишиашоу ирылаҵәоит, ишаԥу еиԥш, ионосфера ианыԥшӡом, аха, иалкаау аҭагылазаашьақәа раан, адгьыл кәымпыл ахыкәшара рылшоит атмосфера еиуеиԥшым аҿыгҳарақәа рҿы аҳауа ажәпарақәа реиԥшымзаара иахҟьаны. Аԥынгылақәа марианы ирывсуеит, алаларатә лшара ҳаракуп;
* [[Сантиметровые волны|СВЧ]] аԥынгылақәа ирывсӡом, ишиашоу иубо аҳәаақәа ирҭагӡаны ирылаҵәоит. Рхы иадырхәоит «[[Wi-Fi]]», [[Сотовая связь|амобилтә еимадара]] уҳәа рҿы;
* [[КВЧ]] аԥынгылақәа ирывсӡом, аԥынгылақәа реиҳарак ирныԥшуеит, ишиашоу иубо аҳәаақәа ирҭагӡаны ирылаҵәоит. Аспутниктә еимадаразы рхы иадырхәоит;
* Агиперв ҳаракқәа аԥынгылақәа ирывсӡом, алашара еиԥш ианыԥшуеит, ишиашоу иубо аҩныҵҟа ирылаҵәоит. Ахархәара ԥкуп.
== Арадиоцәқәырԥақәа рыларҵәара ==
Арадиоцәқәырԥақәа [[вакуум|авакуум]]и [[Атмосфера Земли|атмосфереи]] рҿы ирылаҵәоит, адгьыл ақәыԥшылареи аӡи дара рзы иҵәцам. Ус шакәугьы, [[дифракция|адифракциеи]] [[отражение волн|аныԥшреи]] реффектқәа ирыбзоураны, ишиашоу иубарҭам адгьыл ақәыԥшылара акәаԥқәа — ахәҭакахьала, хара-хара иҟоу реимадара алшоит.
[[Распространение радиоволн|Арадиоцәқәырԥақәа ахыҵхырҭа аҟынтәи адкылага ахь рыларҵәара]] мҩақәак рыла аамҭакала имҩаԥысыр алшоит — ари аҩыза аларҵәара иахьӡуп «ашәахәарацәара». Алагамҭарацәареи алагылазаара апараметрқәа рыԥсахрақәеи ирыхҟьаны [[замирания|ашьхныԥсыларақәа]] цәырҵуеит ({{lang-en|fading}}) — аамҭала ирыдыркыло асигнал аҩаӡара аԥсахра. Анацәарацәара аан асигнал аҩаӡара аԥсахра мҩаԥысуеит [[Интерференция волн|аинтерференциа]] иахҟьаны, даҽакала иуҳәозар, иахьрыдыркыло аҭыԥ аҿы афымцамхылдызтә дәы аамҭала инаскьагоу адиапазон арадиоцәқәырԥақәа «реицҵалыҵ» ауп.
== Ахархәара ==
=== Арадиодырраҭара ===
Атермин «арадиодырраҭара» алагалан [[Фрейман, Имант Георгиевич|И.Г. Фреиман]]<ref>{{Cite web|url=http://archive.radio.ru/web/1990/06/078/|title=Стр. 78 журнала «Радио» № 6 за 1990 год|publisher=archive.radio.ru|access-date=2020-05-07|archive-date=2020-08-15|archive-url=https://web.archive.org/web/20200815015428/http://archive.radio.ru/web/1990/06/078/|url-status=live}}</ref>, асовет Урыстәыла инарҭбааны ахархәара аиуа иалагеит 1921 шықәса раахыс, аԥошьҭақәеи [[телеграф|ателеграфқәеи]] Жәлар ркомиссариат Арадиотехникатә хеилак ақалақь хадақәа рҿы, агуберниатәи ауездтәи центрқәа 280 рҿы абжьырдугақәа рыла арадиодырраҭара аиҿкаара азԥхьагәазҭоз апрограмма анрыдыркыла. Адәахьтәи абжьырдуга ахархәарала еснагьтәи арадиодырраҭарақәа еиҿкаан 1921 шықәса рашәарамзазы Москва, нанҳәа 2 рзы Москва амҵантәи [[Люберцы|Лиуберц]] аусура иалагеит раԥхьатәи арадиоузел<ref>{{Cite web |url=https://cyberleninka.ru/article/n/organizatsiya-sistemy-gosudarstvennogo-upravleniya-radio-v-sssr-v-1920-e-gody-na-primere-tyumeni |title=''Зорина О. Я., Хажеева И. В.'' Организация системы государственного управления радио в СССР в 1920-е годы. |access-date=2020-05-07 |archive-date=2020-08-09 |archive-url=https://web.archive.org/web/20200809033105/https://cyberleninka.ru/article/n/organizatsiya-sistemy-gosudarstvennogo-upravleniya-radio-v-sssr-v-1920-e-gody-na-primere-tyumeni |url-status=live }}</ref>.
Англыз термин «broadcasting» алеигалеит Сан-Хосе иҟоу аелектронтә телеграфиеи атехникеи рколлеџь ашьаҭаркҩы, арҵаҩы Ч.Херолд. Иара иргылеит ацыԥхьтә дырраҭага, уи ала еиҳарак аколлеџь уаанӡатәи, аус зуа аҵаҩцәа ирыдыркыло ажәаҳәатәи амузыкатәи программақәа дырбара далагеит. Херолд диит, изҳаит афермертә еилазаараҿы, уаҟа адәаҿы ажәла аиԥхьытта алаҵара иахьӡын «broadcasting» — «иԥхьыттара ҭбаа». Аиагага антенна игьежьу [[Диаграмма направленности|ахырхарҭа адиаграмма]] аман, даҽакала иуҳәозар, арадиоцәқәырԥақәа наҟ-ааҟ иахылҵуан, ақыҭанхамҩатә ҳәаақәҵара иаҿырԥшны, Херолд иирбагақәа ус рыхьӡ иҳәо далагеит.
=== Атәылауаҩратә радиоеимадара ===
: [[ГКРЧ|Урыстәыла Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә еилакы]] аӡбамҭала (Арадиочастотқәа рзы Аҳәынҭқарратә комиссиа) Урыстәылатәи Афедерациа иахьаҵанакуа ахатәхаҿқәеи аиурист хаҿқәеи аграждантә еимадаразы 3 гәыԥк алассы-лассрақәа рзоужьуп:
:* 27 [[МГц]] ([[Си-Би]], «Citizen's Band», аграждантә диапазон) — аиагага 10 [[Ватт|Вт]] рҟынӡа аҭыҵратә мчхара азин змоу. 27 МГц адиапазон змоу автомашьынатә [[Рация|рациақәа]] инарҭбааны ахархәара рымоуп атакси амаҵзурақәа рҿы арадиоеимадара аиҿкааразы, амашьынарныҟәцаҩцәа-ахарахысыҩцәа реимадаразы;
:* 433 [[МГц]] ([[LPD (радио)|LPD]], «Low Power Device») — аиагага аҭыҵратә мчхара 0,01 Вт иреиҳамкәа [[Рация|арациақәа]] рзы 69 канал азоужьуп;
:* 446 [[МГц]] ([[PMR446|PMR]], «Private Mobile Radio») — аиагага аҭыҵратә мчхара 0,5 Вт иреиҳамкәа арациақәа рзы аканалқәа 8 азоужьуп.
=== Абзиабаҩцәа ррадиоеимадара ===
[[Афаил:HF Base Station (2409139819).jpg|thumb|right|[[Радиолюбительская связь|Абзиабаҩцәа]] [[Короткие волны|рыцәқәырԥа кьаҿ]] [[Радиостанция (техническое средство)|арадиостанциа]]. Ҵаҟа — адкылага ([[Трансиверная радиостанция|атрансивер]]), уаҟа — [[Коэффициент стоячей волны|КСВ]] ашәага-зага иақәзыршәо ахархәага]]
Арадиобзиабаратә еимадара — ганрацәалатәи техникатә [[хобби]]оуп, уи ахықәкы иазоужьу арадиочастотқәа рдиапазонқәа рҿы арадиоеимадарақәа рымҩаԥгараҿы иаарԥшуп. Уи хәҭак аганахь ахырхарҭа амазар алшоит; иаҳҳәап:
* Абзиабаҩцәа рыдкылара-дырраҭаратә аппаратуреи [[антенна|антеннақәеи]] реиҿкаареи рыргылареи;
* Арадиоеимадаразы еиуеиԥшым аицлабрақәа рылахәхара ([[радиоспорт|арадиоспорт]]);
* Имҩаԥгаз арадиоеимадарақәеи / мамзаргьы еиуеиԥшым аимадарақәа рымҩаԥгаразы ирырҭо [[Радиолюбительские дипломы|адипломқәеи]] рышьақәырӷәӷәаразы идәықәҵахо [[QSL-карточка|акарточка-квитанциақәа]] [[Коллекционирование|реизгара]];
* Ихароу аҭыԥқәа рҟынтәи, мамзаргьы абзиабаҩцәа ррадиостанциақәа ([[DXing]]) шамахамзар аус ахьырымуа аҭыԥқәа рҟынтәи аус зуа арадиобзиабаратә станциақәа арадиоеимадарақәа рыԥшаареи рымҩаԥгареи;
* Иалкаау шәахәақәак рыла аусура ([[телеграф|ателеграфиа]], [[Однополосная модуляция|цәаҳәак змоу]] ма [[Частотная модуляция|алассы-лассратә модулиациа]] змоу [[телефония|ателефониа]], [[цифровые виды связи|ацифратә еимадаратә хкқәа]]);
* УКВ аҿы арадиоцәқәырԥақәа Амза ([[EME]]), [[Полярное сияние|аполиартә каҷҷара]] азонақәа («Аврора»), [[Метеорный поток|аметеортә рҩашқәа]], арадиобзиабаратә [[ИСЗ]] ала аретранслиациа рхархәарала аимадара;
* Аиагага амчхара маҷ ([[QRP]]), имариаӡоу аппаратураҿы аусура;
* Арадиоекспедициақәа рылахәхара-активла арадиобзиабаҩцәа ахьыҟам апланета ихароу, анеира ахьыуадаҩу аҭыԥқәеи аҵакырақәеи рҟынтәи аефир ахь ацәырҵра ауп.
Акомпиутертә ҳақәа [[AMPRNet]] рҿы аимадара алыршахоит абзиабаҩцәа ррадиостанциақәа рыла.
== Шәахә. иара уб. ==
* [[Радиотелефон|Арадиотелефон]]
* [[Интернет-радио|Аинтернет-радио]]
* [[Студенческое радио|Астуденттә радио]]
* [[Когнитивное радио|Акогнитивтә радио]]
* [[Метеорная радиосвязь|Аметеортә радиоеимадара]]
* [[Радиореклама|Арадиореклама]]
* [[Цифровое радио|Ацифратә радио]]
* [[Забавы с радио|Арадио ала ахәмаррақәа]]
== Азгәаҭақәа ==
'''Акомментариқәа'''
{{Reflist|group="*"}}
'''Ахыҵхырҭақәа'''
{{Reflist}}
== Алитература ==
* ''[[Айсберг, Эжен|Айсберг Е. Д.]]'' Радио?… Это очень просто! Перевод с французского М. В. Комаровой и Ю. Л. Смирнова под общей редакцией А. Я. Брейтбарта. 2-е издание, переработанное и дополненное — М.-Л., Энергия, 1967 — (МРБ: [[Массовая радиобиблиотека]]; Вып. 622).
* ''Борисов В. Г.'' [[Юный радиолюбитель]]/ В. Г. Борисов. — 8-е изд., перераб. и доп. — М. : Радио и связь, 1992. — 409,[1] с. — ([[Массовая радиобиблиотека]]; Вып. 1160). ISBN 5-256-00487-5.
== Азхьарԥшқәа ==
* ''Никольский Л. Н.'' [http://stasm.moeradio.ru//raznoe/hystory/hystory_041.html Кто «изобрёл» радио]{{Асаит архивтәра|url=https://web.archive.org/web/20200311041851/http://stasm.moeradio.ru//raznoe/hystory/hystory_041.html |date=2020-03-11 }}
* ''Меркулов В.'' [http://www.computer-museum.ru/connect/marconi_1.htm Какое радио изобретал Маркони?]
* ''Меркулов В.'' [http://www.computer-museum.ru/connect/marconi_2.htm Когда и кем было изобретено радио]
* [http://www.aragul.com/gl3.htm Отец-основатель. Человек системы или системный человек]
* [http://radiation-hiend.narod.ru/Popov.htm Александр Степанович Попов]
* [http://www.ieee.org/portal/site/tionline/menuitem.130a3558587d56e8fb2275875bac26c8/index.jsp?&pName=institute_level1_article&TheCat=1008&article=tionline/legacy/inst2005/may05/5w.fhistory.xml& Электротехнический институт IEEE. Первая демонстрация радиоприёма А. С. Поповым отмечена как историческое достижение]{{In lang|en}}
* [http://jcverdier.museum.online.fr/nouvellepage3.htm Аппараты Эжена Дюкретэ]{{In lang|en}}
{{Авторитет змоу адыррақәа}}
{{DEFAULTSORT:радио}}
[[Акатегориа:Арадиоеимадара| ]]
[[Акатегориа:Асигнал анашьҭра алагылазаара]]
[[Акатегориа:Арадиодырраҭара]]
[[Акатегориа:Аныҟәгагақәа рформатқәа]]
[[Акатегориа:Аинфраструктура]]
[[Акатегориа:Аимадара]]
3u9s1yonk514i098ua9s7fqz2cq5hum
Акатегориа:User rue
14
56046
173283
2026-09-05T15:33:37Z
Ясамойла
22737
пачатак
173283
wikitext
text/x-wiki
{{Commonscat|User rue}}
[[Акатегориа:Иалахәцәа рбызшәақәа]]
516u99h2h3w17uidfyu4aojldjg3msy
Акатегориа:User rsk
14
56047
173284
2026-09-05T15:35:22Z
Ясамойла
22737
пачатак
173284
wikitext
text/x-wiki
{{Commonscat|User rsk}}
[[Акатегориа:Иалахәцәа рбызшәақәа]]
4t4j6fit6ghk0serdcsjsqhovibdx7m
Акатегориа:User lv
14
56048
173285
2026-09-05T15:37:31Z
Ясамойла
22737
пачатак
173285
wikitext
text/x-wiki
{{Commonscat|User lv}}
[[Акатегориа:Иалахәцәа рбызшәақәа]]
tdp7aa3sbjd623t3s71bn8z6yhn2iea
Акатегориа:Урыстәыла иҟоу аукраинцәа рдиаспора
14
56049
173293
2026-09-06T09:32:30Z
Fraxinus.cs
8381
Новая страница: «{{Cat main}} [[Акатегориа:Аукраинцәа рдиаспора атәылақәа рыла]] [[Акатегориа:Азиа иҟоу аукраинцәа рдиаспора]] [[Акатегориа:Европа иҟоу аукраинцәа рдиаспора]] [[Акатегориа:Урыстәылеи Украинеи реизыҟазаашьақәа]] Акатегориа:Урыстәыла иҟоу адиаспорақәа|украин...»
173293
wikitext
text/x-wiki
{{Cat main}}
[[Акатегориа:Аукраинцәа рдиаспора атәылақәа рыла]]
[[Акатегориа:Азиа иҟоу аукраинцәа рдиаспора]]
[[Акатегориа:Европа иҟоу аукраинцәа рдиаспора]]
[[Акатегориа:Урыстәылеи Украинеи реизыҟазаашьақәа]]
[[Акатегориа:Урыстәыла иҟоу адиаспорақәа|украинцәа]]
[[Акатегориа:Урыстәыла иҟоу аевропауаа рдиаспора|украинцәа]]
n4u32cu6xzykjgnkks882xvp8x3szym
173295
173293
2026-09-06T09:35:34Z
Fraxinus.cs
8381
Удaлeнa [[Акатегориа:Урыстәылеи Украинеи реизыҟазаашьақәа]]; Дoбaвлeнa [[Акатегориа:Украинеи Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа]] [[ВП:HC|HotCat]] ацхыраарала
173295
wikitext
text/x-wiki
{{Cat main}}
[[Акатегориа:Аукраинцәа рдиаспора атәылақәа рыла]]
[[Акатегориа:Азиа иҟоу аукраинцәа рдиаспора]]
[[Акатегориа:Европа иҟоу аукраинцәа рдиаспора]]
[[Акатегориа:Украинеи Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа]]
[[Акатегориа:Урыстәыла иҟоу адиаспорақәа|украинцәа]]
[[Акатегориа:Урыстәыла иҟоу аевропауаа рдиаспора|украинцәа]]
ky08mhi7ntlroqwxj3368bxtfa6fwvx
Акатегориа:Украинеи Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа
14
56050
173294
2026-09-06T09:34:47Z
Fraxinus.cs
8381
Новая страница: «{{Commons category|Relations of Russia and Ukraine|Russia–Ukraine relations}} [[Акатегориа:Украина аҩганктәи аизыҟазаашьақәа|Урыстәылеи]] [[Акатегориа:Урыстәыла аҩганктәи аизыҟазаашьақәа|Украинеи]]»
173294
wikitext
text/x-wiki
{{Commons category|Relations of Russia and Ukraine|Russia–Ukraine relations}}
[[Акатегориа:Украина аҩганктәи аизыҟазаашьақәа|Урыстәылеи]]
[[Акатегориа:Урыстәыла аҩганктәи аизыҟазаашьақәа|Украинеи]]
mbmkweakjlgcvlp2k29smmgzi03d4kg
173296
173294
2026-09-06T09:35:59Z
Fraxinus.cs
8381
Fraxinus.cs переименовал страницу [[Акатегориа:Урыстәылеи Украинеи реизыҟазаашьақәа]] в [[Акатегориа:Украинеи Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа]] без оставления перенаправления
173294
wikitext
text/x-wiki
{{Commons category|Relations of Russia and Ukraine|Russia–Ukraine relations}}
[[Акатегориа:Украина аҩганктәи аизыҟазаашьақәа|Урыстәылеи]]
[[Акатегориа:Урыстәыла аҩганктәи аизыҟазаашьақәа|Украинеи]]
mbmkweakjlgcvlp2k29smmgzi03d4kg
Акатегориа:Аукраинцәа рдиаспора атәылақәа рыла
14
56051
173297
2026-09-06T09:37:06Z
Fraxinus.cs
8381
Новая страница: «{{Commons category|Ukrainian diaspora by country}} {{Аконтеинер акатегориа}} {{DEFAULTSORT:украинцәа рдиаспора атәылақәа рыла}} [[Акатегориа:Аукраинцәа рдиаспора| тәылақәа]] [[Акатегориа:Адиаспорақәа рхылҵшьҭреи ахьцо тәылеи рыла]]»
173297
wikitext
text/x-wiki
{{Commons category|Ukrainian diaspora by country}}
{{Аконтеинер акатегориа}}
{{DEFAULTSORT:украинцәа рдиаспора атәылақәа рыла}}
[[Акатегориа:Аукраинцәа рдиаспора| тәылақәа]]
[[Акатегориа:Адиаспорақәа рхылҵшьҭреи ахьцо тәылеи рыла]]
q8sdbpezbtif8edcrho2nzy6itn5ycr
Акатегориа:Урыстәылатәи аибашьра акорреспондентцәа
14
56052
173298
2026-09-06T09:40:34Z
Fraxinus.cs
8381
Новая страница: «[[Акатегориа:Аибашьра акорреспондентцәа атәылақәа рыла]] [[Акатегориа:{{Title country}}тәи арратә шәҟәыҩҩцәа|аибашьра]] [[Акатегориа:{{Title country}}тәи арепортерцәеи акорреспондентцәеи|аибашьра]]»
173298
wikitext
text/x-wiki
[[Акатегориа:Аибашьра акорреспондентцәа атәылақәа рыла]]
[[Акатегориа:{{Title country}}тәи арратә шәҟәыҩҩцәа|аибашьра]]
[[Акатегориа:{{Title country}}тәи арепортерцәеи акорреспондентцәеи|аибашьра]]
dut8481pfgfslyyxoqmcy27u6x7eu5h
Акатегориа:Аибашьра акорреспондентцәа атәылақәа рыла
14
56053
173299
2026-09-06T09:42:05Z
Fraxinus.cs
8381
Новая страница: «{{Аконтеинер акатегориа}} [[Акатегориа:Аибашьра акорреспондентцәа| тәылақәа]] [[Акатегориа:Ажурналистцәа атәылақәа рыла| ]] [[Акатегориа:Арратә шәҟәыҩҩцәа атәылақәа рыла| ]]»
173299
wikitext
text/x-wiki
{{Аконтеинер акатегориа}}
[[Акатегориа:Аибашьра акорреспондентцәа| тәылақәа]]
[[Акатегориа:Ажурналистцәа атәылақәа рыла| ]]
[[Акатегориа:Арратә шәҟәыҩҩцәа атәылақәа рыла| ]]
3ipx3qkidhuzzz0lcp1m7prt3v6mkvb
Акатегориа:Аибашьра акорреспондентцәа
14
56054
173300
2026-09-06T09:46:25Z
Fraxinus.cs
8381
Новая страница: «{{Commons category|War correspondents}} {{Cat main|Аибашьра акорреспондент}} [[Акатегориа:Атәымтәылатәи акорреспондентцәа|-]] [[Акатегориа:Ажурналистцәа ртематикала]] [[Акатегориа:Аконфликтқәа аинформациатә хархәагақәа рыла рыхцәажәара|-]] Акатегориа:Арепортерцәеи акоррес...»
173300
wikitext
text/x-wiki
{{Commons category|War correspondents}}
{{Cat main|Аибашьра акорреспондент}}
[[Акатегориа:Атәымтәылатәи акорреспондентцәа|-]]
[[Акатегориа:Ажурналистцәа ртематикала]]
[[Акатегориа:Аконфликтқәа аинформациатә хархәагақәа рыла рыхцәажәара|-]]
[[Акатегориа:Арепортерцәеи акорреспондентцәеи]]
[[Акатегориа:Аибашьратә шәҟәыҩҩцәа|корреспондентцәа]]
q5r1c90wgzd0c0evgy71rticlzi5dnc
Акатегориа:Аибашьратә шәҟәыҩҩцәа
14
56055
173301
2026-09-06T09:48:46Z
Fraxinus.cs
8381
Новая страница: « [[Акатегориа:Ашәҟәыҩҩцәа атематикала]] [[Акатегориа:Аибашьра иадҳәалоу ауаа|шәҟәыҩҩцәа]] [[Акатегориа:Адокументалтә проза атематика ашәҟәыҩҩцәа]] [[Акатегориа:Арратә шәҟәыҩҩцәа| ]]»
173301
wikitext
text/x-wiki
[[Акатегориа:Ашәҟәыҩҩцәа атематикала]]
[[Акатегориа:Аибашьра иадҳәалоу ауаа|шәҟәыҩҩцәа]]
[[Акатегориа:Адокументалтә проза атематика ашәҟәыҩҩцәа]]
[[Акатегориа:Арратә шәҟәыҩҩцәа| ]]
24wni92rma1kvfh793la74oprxuytsx
Акатегориа:Арепортиорцәеи акорреспондентцәеи
14
56056
173302
2026-09-06T09:49:59Z
Fraxinus.cs
8381
Новая страница: « {{DEFAULTSORT:репортерцәеи акорреспондентцәеи}} [[Акатегориа:Ажурналистцәа ахкқәа рыла]]»
173302
wikitext
text/x-wiki
{{DEFAULTSORT:репортерцәеи акорреспондентцәеи}}
[[Акатегориа:Ажурналистцәа ахкқәа рыла]]
tpb2yz4n2y7cw9v50gqv94qtaa1umbr
Акатегориа:Ажурналистцәа ахкқәа рыла
14
56057
173303
2026-09-06T09:52:52Z
Fraxinus.cs
8381
Новая страница: «{{Commonscat|Journalists by type}} {{Аконтеинер акатегориа}} {{DEFAULTSORT:журналистцәа ахкқәа рыла}} [[Акатегориа:Ажурналистцәа| хкқәа]] [[Акатегориа:Ажурналистика ахкқәа|+журналистцәа]] [[Акатегориа:Амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәа арольқәа рыла]] Акатегориа:Ауа...»
173303
wikitext
text/x-wiki
{{Commonscat|Journalists by type}}
{{Аконтеинер акатегориа}}
{{DEFAULTSORT:журналистцәа ахкқәа рыла}}
[[Акатегориа:Ажурналистцәа| хкқәа]]
[[Акатегориа:Ажурналистика ахкқәа|+журналистцәа]]
[[Акатегориа:Амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәа арольқәа рыла]]
[[Акатегориа:Ауаа ркатегориақәа ахкқәа рыла]]
e848ntel3hn6phab25o9f5wii7t6sr9
Акатегориа:Амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәа арольқәа рыла
14
56058
173304
2026-09-06T09:54:19Z
Fraxinus.cs
8381
Новая страница: «{{Commonscat|Media people by role}} {{Аконтеинер акатегориа}} {{DEFAULTSORT:массатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәа арольқәа рыла}} [[Акатегориа:Амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәа| рольқәа]] [[Акатегориа:Ауаа арольқәа рыла| массатә информациа]]»
173304
wikitext
text/x-wiki
{{Commonscat|Media people by role}}
{{Аконтеинер акатегориа}}
{{DEFAULTSORT:массатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәа арольқәа рыла}}
[[Акатегориа:Амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәа| рольқәа]]
[[Акатегориа:Ауаа арольқәа рыла| массатә информациа]]
jamcu31fm2xym7ud6sskdmv9qp4gt14
Акатегориа:Аконфликтқәа аинформациатә хархәагақәа рыла рыхцәажәара
14
56059
173305
2026-09-06T09:57:07Z
Fraxinus.cs
8381
Новая страница: «{{DEFAULTSORT:конфликтқәа аинформациатә хархәагақәа рыла рыхцәажәара}} [[Акатегориа:Аинформациатә хархәагақәа рыла ахҳәаареи ахаҭарнакреи]] [[Акатегориа:Аибашьреи аинформациатә хархәагақәеи|*конфликтқәа]]»
173305
wikitext
text/x-wiki
{{DEFAULTSORT:конфликтқәа аинформациатә хархәагақәа рыла рыхцәажәара}}
[[Акатегориа:Аинформациатә хархәагақәа рыла ахҳәаареи ахаҭарнакреи]]
[[Акатегориа:Аибашьреи аинформациатә хархәагақәеи|*конфликтқәа]]
jhucs8ffor4ntqaqn5ss5r05cjh0380
Акатегориа:Аибашьреи аинформациатә хархәагақәеи
14
56060
173306
2026-09-06T09:59:12Z
Fraxinus.cs
8381
Новая страница: «{{Category see also|Аибашьреи аполитикеи}} [[Акатегориа:Аибашьра|информациатә хархәагақәеи]] [[Акатегориа:Амассатә информациа ахархәагақәа]] [[Акатегориа:Амассатә информациа ахархәагақәа рҭоурых]]»
173306
wikitext
text/x-wiki
{{Category see also|Аибашьреи аполитикеи}}
[[Акатегориа:Аибашьра|информациатә хархәагақәеи]]
[[Акатегориа:Амассатә информациа ахархәагақәа]]
[[Акатегориа:Амассатә информациа ахархәагақәа рҭоурых]]
o8otszdyn9apc21op5tzimj63rqs9u3
Акатегориа:Аинформациатә хархәагақәа рыла ахҳәаареи ахаҭарнакреи
14
56061
173307
2026-09-06T10:02:11Z
Fraxinus.cs
8381
Новая страница: «{{commons category|Media coverage and representation}} {{DEFAULTSORT:информациатә хархәагақәа рыла ахҳәаареи ахаҭарнакреи}} [[Акатегориа:Ажәабжьтә хархәагақәа|хҳәаареи ахаҭарнакреи]] [[Акатегориа:Амассатә информациа ахархәагақәа рхыԥша|хҳәаареи ахаҭарнакреи]] Акатегориа:Амассат...»
173307
wikitext
text/x-wiki
{{commons category|Media coverage and representation}}
{{DEFAULTSORT:информациатә хархәагақәа рыла ахҳәаареи ахаҭарнакреи}}
[[Акатегориа:Ажәабжьтә хархәагақәа|хҳәаареи ахаҭарнакреи]]
[[Акатегориа:Амассатә информациа ахархәагақәа рхыԥша|хҳәаареи ахаҭарнакреи]]
[[Акатегориа:Амассатә информациа ахархәагақәа рыпроблемақәа|хҳәаареи ахаҭарнакреи]]
nsin29nvsw46gx5jo60e9ynz25avtxp