Авикипедиа abwiki https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%98%D1%85%D0%B0%D0%B4%D0%BE%D1%83_%D0%B0%D0%B4%D0%B0%D2%9F%D1%8C%D0%B0 MediaWiki 1.47.0-wmf.22 first-letter Амедиа Цастәи Ахцәажәара Алахәыла Алахәыла ахцәажәара Авикипедиа Авикипедиа ахцәажәара Афаил Афаил ахцәажәара Амедиавики Амедиавики ахцәажәара Ашаблон Ашаблон ахцәажәара Ацхыраара Ацхыраара ахцәажәара Акатегориа Акатегориа ахцәажәара TimedText TimedText talk Амодуль Амодуль ахцәажәара Event Event talk Политковскаиа, Анна Степан-иԥҳа 0 37734 174667 174306 2026-10-02T21:27:20Z Fraxinus.cs 8381 Удaлeнa [[Акатегориа:Урыстәылатәи аибашьра акорреспондентцәа]]; Дoбaвлeнa [[Акатегориа:Урыстәылатәи арратә корреспондентцәа]] [[ВП:HC|HotCat]] ацхыраарала 174667 wikitext text/x-wiki {{Акарточка ауаҩы |ахьӡ=Анна Степан-иԥҳа Политковскаиа }} '''Анна Степан-иԥҳа Политковскаиа''' ({{lang-ru|Анна Степановна Политковская}}; {{date|30|8|1958}}, [[Ниу-Иорк]] – {{date|7|11|2006}}, [[Москва]]) — [[Урыстәыла]]тәи ажурналист, азинхьчаҩ. Нхыҵ Кавказ ирацәаны аус лухьан. Дыршьит 2006 шықәсазы. 2019 шықәсанӡа Анна Политковскаиа лҭархара иадҳәалаз аус аарԥшымызт, ацәгьаура ҟазҵаз ҳәа ирыԥхьаӡоз 2014 шықәсазы рус шырыӡбазгьы.<ref name="biografia">{{Cite web |title=БИОГРАФИЯ АННЫ ПОЛИТКОВСКОЙ |url=https://politkovskaya.novayagazeta.ru/bio.shtml |access-date=2026-09-06 |website=novayagazeta.ru |language=ru}}</ref> == Анысмҩа == Анна Политковскаиа диит {{date|30|8|1958}} шықәсазы Ниу-Иорк ақалақь, хылҵшьҭрала иукраинатәыз асоветтә ҭаацәараҿы. (Даҽа хыҵхырҭақәак рыла, Анна Политковскаиа диит [[Украина]], [[Черниговтәи аобласт]] аҿы.) Анна Политковскаиа лыжәлаҵәҟьа Мазепа ауп. 1980 шықәсазы далгеит [[Ломоносов ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә университет]] ажурналистика афакультет. 1982–1993 шықәсқәа рзы аус луан агазеҭқәа «[[Известиа]]», «[[Воздушныи транспорт]]», арҿиаратә еилазаара «[[Ескарт]]», аҭыжьырҭа «Паритет», агазеҭ «Мегаполис-Експресс» ахҳәааҟаҵаҩыс.<ref>{{Cite web |title=Краткая биография автора |url=https://knigogid.ru/authors/5752-anna-politkovskaya |access-date=2026-09-06 |website=Книгогит }}</ref> 1994–1999 шықәсқәа рзы Анна Политковскаиа – «[[Обшьаиа газета]]» аҭагылазаашьа ҷыдақәа рыҟәша аредакторс дыҟан. [[1999]] шықәса ииун мза инаркны Политковскаиа журналистк лаҳасабала акырынтә дцахьан [[Даӷьсҭан аибашьра]] ахьцоз аҭыԥқәа рахь, дырҭаахьан ахҵәацәа рлагерқәа, анаҩс [[Ингәыштәыла]], [[Чечентәыла]]. Лус хада инаҷыданы, Анна Политковскаиа убасгьы лнапы рылакын азинхьчаратә усқәа: аӡбарҭаҿы иҭахаз аруаа ранацәа дрыцхраауан, Чечентәыла иҟаз афедералтә архәҭақәа еидҵоу ргәыԥ акомандаҟаҵареи Атәылахьчара аминистрреи рҟны акоррупциа аҭҵаарақәа мҩаԥылгон. 1999 шықәса, декабр мзазы Анна Политковскаиа еиҿылкааит [[Грозни]]тәи абыргцәа рыҩнаҿы инхоз ԥшьынҩажәи жәҩык ревакуациа, лара лыбзоурала урҭ зегьы Урыстәыла инырхан. Аха аԥхын 2000 шықәсазы, абыргцәа ҩажәи ҩыџьаҩык Грозниҟа ирхынҳәын, «адунеи зегь иадырбарц Грозни аԥсҭазаара шышьақәгылаз». Ауаа ирымамызт аӡы, ахәшәқәа, афатә, амаҭәа. 2000 шықәса август мзазы Анна Политковскаиа лаԥшьгарала «Новаиа газета» имҩаԥнагеит агәыҳалалратә акциа «Грозни. Абыргцәа рыҩны» – еизган хә-нызқьи хәышә тонна аидареи хә-нызқь доллари.<ref>{{Cite web |title=Анна Политковская - биография |url=https://24smi.org/celebrity/3290-anna-politkovskaia.html |access-date=2026-09-06 |website=24smi}}</ref> [[2002]] шықәса, абҵарамзазы Анна Политковскаиа далахәын [[Москва]] Атеатралтә центр [[Дубровка]] иақәлаз «Риад ус-Салихин» абригада аҟынтәи ачечен еибашьцәа рыбжьацәажәара. Атеррористцәа зацәажәарц ирҭахыз ауаа рхыԥхьаӡараҿы лара лыхьӡгьы ҳәан. Абҵарамза 25, 2002 шықәсазы Политковскаиа днеит шасыс иргаз рхақәиҭтәразы еиҿкааз аштаб ахь, аибашьцәа ҭелла драцәажәеит, анаҩс адоктор [[Рошал, Леонид|Леонид Рошал]]и лареи Атеатралтә центр ахыбрахь иҩналеит, атеррористцәа иаанкылан ирымаз аӡыржәтә рызналгеит. 2001 шықәса, жәабранмзазы [[Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура]] аусзуҩцәа Политковскаиа ахара лыдырҵеит акомандаҟаҵаҩ [[Басаев, Шамиль|Шамиль Басаев]] ицхраараз ашпионаж мҩаԥылгон ҳәа, хымш фатәыда, ӡырыжәтәда дҭакны дрыман. 2001 шықәса, цәыббрамзазы Анна Политковскаиа «[[Новая газета]]» аҿы илкьыԥхьит астатиа «Ибжьаӡуа ауаа», уаҟа еиҭалҳәоит [[Чечентәыла]] [[Ханты-Мансииск]]тәи ОМОН 2001 шықәса алагамҭазы идырбаандаҩыз, анаҩс хабарда ибжьаӡыз ачечен [[Мурдалов, Зелимхан|Зелимхан Мурдалов]] илахьынҵа атәы. Уи ашьҭахь лара лелектронтә почтахь аара иалагеит ақәмақарра зныԥшуаз ашәҟәқәа, Ханты-Мансиисктәи ОМОН аусзуҩы [[Лапин, Сергеи|Сергеи Лапин]] иҟынтәи. Иара хаҭала Мурдалов даанкыланы иҿахәы иҿызхуаз иакәын. Лапин ахарадҵаидрыԥхьаӡалеит «ӷәӷәалаапҟареиимаҵуратәнапынҵақәархыҳәҳәареи» рзы астатиа ала, аха ԥыҭрак ашьҭахь урҭ зегьы ихыхын.<ref>{{Cite web |title=Анна Политковская. Биография |url=https://regnum.ru/news/717889 |access-date=2026-09-06 |website=Регнум |archive-date=2025-06-10 |archive-url=https://web.archive.org/web/20250610044142/https://regnum.ru/news/717889 |url-status=dead }}</ref> Иазгәаҭатәуп Анна Политковскаиа лҿы еихаркырц азы аҽазышәарақәа шыҟарҵахьаз уаанӡагьы. Цәыббрамза 1, 2004 шықәса, [[Беслан (ақалақь)|Беслан]] ауаа шасыс ианыргаз раԥхьатәи амш, Политковскаиа [[Нхыҵ Уаԥстәыла]]ҟа иԥыруаз аҳаирплан дҭан, уаҟа илжәыз ачаи ашьҭахь лгәабзиара аҭагылазаашьа уадаҩхеит. Ас еиԥш аинцидент ажурналист лколлегацәа, иара убас Беслан, ауааԥсыра ахәшьара арҭеит заа иӡбаны лыԥсҭазаара ашәарҭа аҭаргылара иазкын ҳәа. Бесланҟа лара лцара хықәкыс иаман, ачечен жәлар рыҩныҵҟа илықәыз аҳаҭыр лхы иархәаны, Аслан Масхадови, Ахмед Закаеви, ашкол №1 аанызкылаз атеррористцәеи реицәажәара аиҿкаара. Аҳаирплан аҟынтәи Политковскаиа лхы лзымдыруа днаган Ростовтәи аобласттә хәышәтәырҭахь. Ари, ихьыԥшым ажурналистка лҭархаразы раԥхьатәи ҽазышәаран. Анна Политковскаиа «аурыс жәлари урыстәылатәи аҳәынҭқарреи раӷацәа» рсиа дахыԥхьаӡалан, уи аҩыза асиа шыҟаз аҳәамҭа ҟаиҵеит ЛДПР аҟынтәи адепутат [[Курианович, Николаи|Николаи Курианович]] 2006 шықәса, хәажәкырамзазы.<ref name="biografia" /> == А. Политковскаиа лҭархара == Абҵарамза 7, 2006 шықәсазы Анна Политковскаиа дҭахоит Москва, дахьынхоз аҩны аҵаларҭаҿы, ацәгьауаҩы инапала. А. Политковскаиа «Новаиа газета» аҿы аҵыхәтәантәи лкьыԥхьымҭа «Карательныи сговор» - азкын афедералтә мчқәа ирыдгылан еибашьуаз ачечен отриадқәа реилазаареи русуреи. «Новаиа газета» анаҩстәи аҭыжьымҭаҿы ианыларан иҟан лыстатиа [[Чечентәыла]] ауаа рыргәаҟра иазкыз. Аматериал аҿы иарбан Чечентәыла аԥыза-министр [[Кадыров, Рамзан|Рамзан Кадыров]] ауаа рӷьычра далахәын ҳәа.<ref>{{Cite web |title=Убита журналист Анна Политковская |url=https://www.gazeta.ru/2006/10/07/last219131.shtml |access-date=2006-10-07 |website=Газета.ru |archive-url=https://web.archive.org/web/20210619073645/https://www.gazeta.ru/2006/10/07/last219131.shtml |archive-date=2021-06-19}}</ref> Анна Политковскаиа аҵыхәтәантәи линтервиу илҭеит «Кавказски узел» ахатәы корреспондент, лҭахара сааҭки бжаки шагыз. Уи хьӡыс иаман «Кадыров Чечентәыла ахадас дҟамлароуп» ҳәа. Абҵарамза 15, 2008 шықәса инаркны жәабранмза 19, 2009 шықәсанӡа ицоз раԥхьатәи аӡбаратә процесс аҟны аӡбаҩцәа ариашаратә вердикт алыркааит, аха авердикт ԥсахын, аус ҿыц ахәаԥшрахь идәықәҵан. Аҩбатәи апроцесс иалагеит ԥхынгәымза 2013 шықәсазы, 2012 шықәса абҵарамзазы, ԥасатәи амилициа аусзуҩы, ауаҩшьра алахәразы зҿы зқәыԥҽыз Дмитри Павлиученков 11 шықәса аниқәырҵа ашьҭахь.<ref>{{Cite web |title=Убита Анна Политковская |url=https://lenta.ru/news/2006/10/07/kill/ |access-date=2026-09-06 |website=lenta.ru}}</ref> Лаҵарамза 20, 2014 шықәсазы аӡбаҩцәа рколлегиа Анна Политковскаиа лҭархаразы зус рыӡбоз рыхәҩыкгьы ахара рыдуп ҳәа азырыԥхьаӡеит. Дара ишырхароу ала рҿы рықәшаҳаҭымхеит. Рашәарамза 9, 2014 шықәсазы Москватәи ақалақьтә усӡбарҭа Анна Политковскаиа лышьра аус ала азыӡба аднакылеит. Зус рыӡбоз Лом-Али Гаитукаеви Рустам Мухамедови рыԥсы ҭанаҵы аҭакра рықәҵан. Аишьцәа Ибрагими Џьабраили Махмудоваа жәаҩа, жәиԥшь шықәса аҭакра рықәҵан, Хаџьикурбанов иакәзар, ҩажәа шықәса иџьбароу арежим ала аколониахь дышьҭын. 2014–2015 шықәсқәа ирҭагӡаны ауаҩшьрзы аусҭҵаара шамахамзар имҩаԥыргомызт, Урыстәыла Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҿы акәзар, зус ӡбаз рапеллиациазы аилатәарақәа цон. 2015 шықәса, хәажәкырамзазы азинхьчаратә усбарҭақәа рҟны ахыҵхырҭақәа иаарыцҳаит аусҭҵаара иофициалтәым арбагақәа, урҭ ирықәыршәаны, [[Немцов, Борис|Борис Немцови]] ажурналистка Анна Политковскаиеи рҭахашьа аҭагылазаашьақәа ахьеиԥшу рацәоуп.<ref>{{Cite web |title=Журналист променял жизнь на профессию |url=https://www.kommersant.ru/doc/711307 |access-date=2026-09-06 |website=Газета «Коммерсантъ»}}</ref> 2014 шықәса, абҵарамзазы ажурналистка А. Политковскаиа лышьра еиҿызкааз рышьақәыргылараз адҵа ҟарҵеит, Москва аредакциа «Новаиа газета» ахыбра аҿаԥхьа имҩаԥгаз агәаларшәаратә церемониа иалахәыз. 2015 шықәсазы иҭахаз ажурналистка лколлегацәеи илзааигәази агәынамӡара аадырԥшит аусҭҵаара амҩаԥысшьазы. «Новаиа газета» ажурналистцәа агәрагара аадырԥшит, Анна Политковскаиа лышьра еиҿызкааз рыԥшаара шалшо азы. Азинхьчаҩцәа Олег Орлови Валери Боршьиови аҳәамҭа ҟарҵеит, Урыстәыла амчрақәа, абар жәышықәса Анна Политковскаиа лышьра еиҿызкааз рыԥшаара шырҭахым аадырԥшуеит ҳәа. «Амчратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа рыцәгьаурақәа ирызкыз аҵыхәтәантәи лкьыԥхьымҭақәа ҳасаб рзуны, Политковскаиа лышьра еиҿызкааз Чечентәылатәзар алшоит ҳәа агәаанагара роуит. Аха аусҭҵаарақәа рымҩаԥгараан Чечентәылаҟа уназгоз арахәыцқәа ԥыҵәҵәан. Ацәгьаура еиҿызкаазгьы деилкаамхеит», – ҳәа ациҵоит Олег Орлов. 2019 шықәсанӡа А. Политковскаиа лышьра иадҳәалоу ауаа аарԥшымкәа иаанхоит. Ауаҩшьра ҟазҵаз рус анырыӡба инаркны, ацәгьаура еиҿызкааз ишьақәыргыларазы аусҭҵаара шьаҿакгьы ԥхьаҟа имцеит.<ref name="kavkaz-uzel">{{Cite web |title=Политковская Анна Степановна |url=https://www.kavkaz-uzel.eu/articles/103964/ |access-date=2026-09-06 |website=[[Кавказский Узел]]}}</ref> == ПАСЕ == 2007 шықәса ажьырныҳәамза 25 рзы [[Страсбург]] имҩаԥысуаз ПАСЕ асессиаҿы иазыӡырҩын британиатәи адепутат Ендриу Макинтош иажәахә «Ажурналистцәа ргәаанагара аарԥшра рыԥсҭазаареи рхақәиҭреи ашәарҭара иҭанаргылоит». Ажәахә аҿы иҳәан ПАСЕ агәҭынчымра шаанарԥшуа «Европа ажурналистцәа рыԥсҭазаареи ражәа ахақәиҭреи иахьақәмақаруа» 2006 шықәсазы, иара убас ианармза 2007 шықәсазы, убри аан хазы иргәаладыршәеит [[Ҭырқәтәыла]]н аерман журналист Грант Динк ишьреи Анна Политковскаиа лышьреи. Ажәалагала ҟаҵан арезолиуциа апроект аҿы иарбазарц апункт, уи аҟны ПАСЕ урыстәылатәи апарламентари рахь ааԥхьара ҟанаҵеит «Анна Политковскаиа лышьразы ихьыԥшым апарламенттә ҭҵаарақәа мҩаԥгазарц».<ref>{{Cite web |title=ПАСЕ намерена потребовать от России парламентского расследования убийства Политковской |url=https://www.newsru.com/world/24jan2007/pase_politkowskaya.html |access-date=2026-09-06 |website=newsru.com}}</ref> == Ахәшьарақәа == Анемец газеҭ Die Welt агәаанагарала, Политковскаиа «агәра улыргон акьыԥхь ажәа амчра ду шамоу». Арегионалтә еиҿкаара «Амилаҭтә еиқәырхара чечентәи аилак»: Нхыҵ Кавказ иаанхеит ирацәаҩны Анна Политковскаиа гәыкала илзыҟоу ауаа, лыԥсра зхатә хьаа еиԥш издызкылаз. Лара лыбзоурала ирацәаҩын згәы зҟажоз. Лара лыбзоурала анацәа, аеҳәшьцәа ргәырҩа атәы заҳаз маҷҩым. Анна Политковскаиа лыхьӡ ажурналисттә гәымшәареи аиашареи иадыркылоит. Москватәи Хьельсинктәи агәыԥ анапхгаҩы Лиудмила Алексеева лгәаанагарала, Политковскаиа даҿагылан азиндара, ақәымчра, амц. Лара ишьақәлырӷәӷәеит аӡәы ихалагьы аибашьра адәаҿы илшо шырацәоу. Иасен Засурски, МГУ ажурналистика афакультет адекан, Анна Политковскаиа рҵаҩыс илымаз, аҳәамҭа ҟалҵеит: «Лара лыԥсра – ааха ӷәӷәоуп ҳжурналистиказы, избанзар лара ҳжурналистика аламыс дахаҭарнакын. Сгәы иаанагоит, Анна Политковскаиа ҳара ҳгәалашәараҿы даанхоит зыламыс цқьоу, акоррупциеи ауаҩы изинқәа реилагареи ирҿагылаз аӡәы лакәны».<ref>{{Cite web |title=АННА СТЕПАНОВНА ПОЛИТКОВСКАЯ – Letters |url=https://politkovskaya.novayagazeta.ru/letters/letters-001.shtml |access-date=2026-09-06 |website=novayagazeta.ru}}</ref> == Ашәҟәқәа, афильмқәа, арепортажқәа == Анна Политковскаиа дравторуп Чечентәылеи Урыстәылеи аҭагылазаашьақәа ирызку адокументал-публицистикатә шәҟәқәа жәпакы. Урҭ рахьтә ирацәоуп аҳәаанырцәтәи абызшәақәа рахь еиҭагоу. Убарҭ рхыԥхьаӡараҿы: «Путешествие в ад. Чеченски дневник», «Втораиа чеченскаиа», «Путинскаиа Россиа» уҳәа убас егьырҭгьы. Ирацәоуп Анна Политковскаиа илызку адокументалтә фильмқәеи арепортажқәеи: Анна Политковскаиа. Убить журналиста. Адокументалтә фильм РенТВ Совершенно секретно: Политковскаиа. Совершенно секретно: Муратов Политковскаиа лзы.<ref name="kavkaz-uzel" /> == Аҳамҭақәа == Анна Политковскаиа – дырлауреатуп урыстәылатәи жәларбжьаратәи ажурналисттә премиақәа. Чечентәылантәи арепортажқәа рсериазы 2000 шықәса, ианар мзазы лара иланашьан апремиа «Золотое перо России». Анна Политковскаиа иланашьан егьырҭ апремиақәагьы: Адиплом «Золотои гонг-2000» Чечентәылантәи аматериалқәа рсериазы. Урыстәыла ажурналистцәа Реидгыла апремиа «Добрый поступок – доброе сердце». [[Урыстәыла ажурналистцәа Реидгыла апремиа]], акоррупциа иаҿагыланы ақәԥара иазку аматериалқәа рзы: [[Вальтер Гамниус ипреми]]а (Берлин) – «Аграждантә фырхаҵаразы», [[ОБСЕ]] есышықәсатәи апремиа «Ажурналистикеи адемократиеи рзы» – «Чечентәыла ауаҩы изинқәа рҭагылазаашьазы апубликациақәа рзы». == Аҭаацәара == Анна Политковскаиа дҭаацәаран 1978 инаркны 2000 шықәсанӡа. Лара лыԥшәма – атележурналист Александр Политковски. Анна илҭынхеит ҩыџьа ахәыҷқәа: лыҷкәын Илиа, лыԥҳа Вера.<ref name="biografia" /> ==Азгәаҭақәа== {{reflist}} {{Авторитет змоу адыррақәа}} [[Акатегориа:Нанҳәамза 30 рзы ииз]] [[Акатегориа:1958 шықәсазы ииз]] [[Акатегориа:Абҵарамза 7 рзы иԥсыз]] [[Акатегориа:2006 шықәсазы иԥсыз]] [[Акатегориа:Урыстәылатәи ажурналистцәа]] [[Акатегориа:Аполитикатә шьрақәа ирықәшәаз Урыстәылатәи ажурналистцәа]] [[Акатегориа:Мазепаа]] [[Акатегориа:Москватәи аҳәынҭқарратә университет аушьҭымҭацәа]] [[Акатегориа:Урыстәыла ишьыз ауаа]] [[Акатегориа:Аибашьра иаҿагыло Урыстәылатәи активистцәа]] [[Акатегориа:Урыстәылатәи адиссидентцәа]] [[Акатегориа:Урыстәылатәи апацифистцәа]] [[Акатегориа:Украинатәи ахылҵшьҭра змоу аурысцәа]] [[Акатегориа:Урыстәылатәи активистцәа]] [[Акатегориа:Урыстәылатәи арратә корреспондентцәа]] [[Акатегориа:Урыстәылатәи ауаҩы изинқәа рыхьчаразы активистцәа]] [[Акатегориа:Новая газета]] 69kdmqhni6ofmijdnn41pj0iv95k9kz Акатегориа:Урыстәылатәи арратә корреспондентцәа 14 56052 174665 173315 2026-10-02T21:22:38Z Fraxinus.cs 8381 Удaлeнa [[Акатегориа:Аибашьра акорреспондентцәа атәылақәа рыла]]; Дoбaвлeнa [[Акатегориа:Арратә корреспондентцәа атәылақәа рыла]] [[ВП:HC|HotCat]] ацхыраарала 174665 wikitext text/x-wiki [[Акатегориа:Арратә корреспондентцәа атәылақәа рыла]] [[Акатегориа:{{Title country}}тәи арратә шәҟәыҩҩцәа|аибашьра]] [[Акатегориа:{{Title country}}тәи арепортиорцәеи акорреспондентцәеи|аибашьра]] fcrave3regivply46nwi2deu7kzswfc 174666 174665 2026-10-02T21:26:56Z Fraxinus.cs 8381 Fraxinus.cs переименовал страницу [[Акатегориа:Урыстәылатәи аибашьра акорреспондентцәа]] в [[Акатегориа:Урыстәылатәи арратә корреспондентцәа]] без оставления перенаправления 174665 wikitext text/x-wiki [[Акатегориа:Арратә корреспондентцәа атәылақәа рыла]] [[Акатегориа:{{Title country}}тәи арратә шәҟәыҩҩцәа|аибашьра]] [[Акатегориа:{{Title country}}тәи арепортиорцәеи акорреспондентцәеи|аибашьра]] fcrave3regivply46nwi2deu7kzswfc Акатегориа:Арратә корреспондентцәа атәылақәа рыла 14 56053 174663 173299 2026-10-02T21:21:43Z Fraxinus.cs 8381 Удaлeнa [[Акатегориа:Аибашьра акорреспондентцәа]]; Дoбaвлeнa [[Акатегориа:Арратә корреспондентцәа]] [[ВП:HC|HotCat]] ацхыраарала 174663 wikitext text/x-wiki {{Аконтеинер акатегориа}} [[Акатегориа:Арратә корреспондентцәа| тәылақәа]] [[Акатегориа:Ажурналистцәа атәылақәа рыла| ]] [[Акатегориа:Арратә шәҟәыҩҩцәа атәылақәа рыла| ]] b2spb4do3qnwiy0zup7jd7aajiw9fkj 174664 174663 2026-10-02T21:22:01Z Fraxinus.cs 8381 Fraxinus.cs переименовал страницу [[Акатегориа:Аибашьра акорреспондентцәа атәылақәа рыла]] в [[Акатегориа:Арратә корреспондентцәа атәылақәа рыла]] без оставления перенаправления 174663 wikitext text/x-wiki {{Аконтеинер акатегориа}} [[Акатегориа:Арратә корреспондентцәа| тәылақәа]] [[Акатегориа:Ажурналистцәа атәылақәа рыла| ]] [[Акатегориа:Арратә шәҟәыҩҩцәа атәылақәа рыла| ]] b2spb4do3qnwiy0zup7jd7aajiw9fkj Акатегориа:Арратә корреспондентцәа 14 56054 174661 173317 2026-10-02T21:20:54Z Fraxinus.cs 8381 174661 wikitext text/x-wiki {{Commons category|War correspondents}} {{Cat main|Арратә корреспондент}} [[Акатегориа:Атәымтәылатәи акорреспондентцәа|-]] [[Акатегориа:Ажурналистцәа ртематикала]] [[Акатегориа:Аконфликтқәа аинформациатә хархәагақәа рыла рыхцәажәара|-]] [[Акатегориа:Арепортиорцәеи акорреспондентцәеи]] [[Акатегориа:Аибашьратә шәҟәыҩҩцәа|корреспондентцәа]] ee02tef0d2g8qnil3jj1znwds6otc91 174662 174661 2026-10-02T21:21:12Z Fraxinus.cs 8381 Fraxinus.cs переименовал страницу [[Акатегориа:Аибашьра акорреспондентцәа]] в [[Акатегориа:Арратә корреспондентцәа]] без оставления перенаправления 174661 wikitext text/x-wiki {{Commons category|War correspondents}} {{Cat main|Арратә корреспондент}} [[Акатегориа:Атәымтәылатәи акорреспондентцәа|-]] [[Акатегориа:Ажурналистцәа ртематикала]] [[Акатегориа:Аконфликтқәа аинформациатә хархәагақәа рыла рыхцәажәара|-]] [[Акатегориа:Арепортиорцәеи акорреспондентцәеи]] [[Акатегориа:Аибашьратә шәҟәыҩҩцәа|корреспондентцәа]] ee02tef0d2g8qnil3jj1znwds6otc91