Авикипедиа
abwiki
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%98%D1%85%D0%B0%D0%B4%D0%BE%D1%83_%D0%B0%D0%B4%D0%B0%D2%9F%D1%8C%D0%B0
MediaWiki 1.47.0-wmf.24
first-letter
Амедиа
Цастәи
Ахцәажәара
Алахәыла
Алахәыла ахцәажәара
Авикипедиа
Авикипедиа ахцәажәара
Афаил
Афаил ахцәажәара
Амедиавики
Амедиавики ахцәажәара
Ашаблон
Ашаблон ахцәажәара
Ацхыраара
Ацхыраара ахцәажәара
Акатегориа
Акатегориа ахцәажәара
TimedText
TimedText talk
Амодуль
Амодуль ахцәажәара
Event
Event talk
Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ахәыҷтәы фонд
0
27237
175745
156569
2026-10-20T00:34:33Z
InternetArchiveBot
15973
Rescuing 1 sources and tagging 0 as dead.) #IABot (v2.0.9.6
175745
wikitext
text/x-wiki
[[Афаил:Logo of UNICEF.svg|мини]]
'''Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ахәыҷтәы фонд''', '''''ИуНИСЕФ''''' ({{lang-en|United Nations Children’s Fund, UNICEF}}) – жәларбжьаратәи еиҿкаароуп, аус ауеит [[Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара]] анапаҵаҟа. Иара аԥҵан [[1946]] шықәса, [[Ԥхынҷкәынмза 11]] рзы, [[Еиду Америкатәи Аштатқәа]] рҿы, [[Ниу-Иорк]]. Раԥхьаӡа акәны, 1940 шықәсазы [[Ахәыҷтәы фонд]] аԥҵара аидеиа рылеиҳәеит Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара аусбарҭаҟны [[Польша]] хаҭарнакра азызуаз, ацхыраара аҟаҵара знапы алакыз Лиудвик Реихман.
==Аҭоурыхтә фактқәа==
Ари аидеиа адгылара аиуит 1946 шықәсазы, ассамблеиа хада аилатәараҿы – аӡбамҭагьы рыдыркылеит Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара аҟәшак аҳасаб ала Ахәыҷтәы фонд аԥҵаразы. Афонд аҳасабтәқәа иреиуан, ахҵәацәа аамҭалатәи рлагерқәа рҿы инхоз, мамзаргьы аибашьра ашьҭахь еилаԥыххааз ақалақьқәа рҿы инхоз ахәыҷқәа зегьы ацхыраара рыҭара. Арбагақәа рыла урҭ ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара ҩажәа миллионҩык рҟынӡа инаӡон. Афонд анаԥҵахаҵәҟьа, иара анагӡаратә директорс дҟаҵан Морис Пеита. Афонд аусура раԥхьатәи хышықәса ирылагӡаны агәыҳалалратә ус ду мҩаԥнагеит. Иныхын 112 миллион доллар. Жәаҩа тәыла рҟны хә-миллионҩык ахәыҷқәеи анацәеи амаҭәа рызшан, аа-миллионҩык ахәыҷқәа арԥҳа чымазара аҟынтәи алаҵақәа рзыҟаҵан, иара убас еиҭашьақәдыргылон ахшлыҵ ааглыхра.
Европа аекономика анышьақәгыла, [[Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ассамблеиа Хада]] аплан инақәыршәаны, 1953 шықәсазы аӡбамҭа рыдыркылеит Ахәыҷтәы фонд аусура аамҭа иацырҵарц ԥымкрада, убри аан иара анапынҵақәагьы дырҭбаарц. Афонд амчхара дәықәҵан зыҿҳәара дуу апрограммақәа рахь, гәҭакыс ирыман аҿиара иаҿу атәылақәа рхәыҷқәа ргәабзиарахьчареи рыфатә аалыҵи реиӷьтәреи. Абарҭ аиҭакрақәа ҳасаб рзуны, афонд рыдыркыло иалагеит Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара еснагьтәи аусбарҭа акәны.
150 миллион доллар афонд аҟынтәи ирықәхарџьын ҩынҩажәижәабатәи ашықәсқәа рзы арыԥҳа чымазареи, ашыӡи уҳәа усҟантәи аамҭазы аларҵәара змаз ачымазарақәа рыхәышәтәра. Агәыҳалалратә усура еиԥш, имҩаԥыргон аҵарадырратә усурагьы, афонд ирыланарҵәон асанитартә ԥҟарақәа, иреилнаркаауан акрыфара хадара шалоу.
Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара афатәи, ақыҭанхамҩатә еиҿкаареи, агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаареи аус рыцуа, Ахәыҷтәы фонд ацхыраара ҟанаҵон ахш аалыҵқәа ахьыҟамыз араионқәа рзы апротеин рацәаны излаз афатә аус адулара аҟны.
Аамҭақәак рышьҭахь, Ахәыҷтәы фонд асоциалтә цхыраара рзыҟанаҵон ахәыҷбаҳчақәа, аҿар рзы аклубқәа раартра аҟны, иаԥырҵон аконсультациақәа аҭаацәа зегьы рзы. 1961 шықәсазы, ашықәс аихшьаалақәа рҟны анагӡаратә хеилак алаҳәара ҟанаҵеит Ахәыҷтәы фонд аполитика аиҭакрақәа шалагалахо. Иназыцҵоу функциақәак раҳасаб ала афонд аҳәамҭа ҟанаҵеит хазы игоу тәылақәак ацхыраара рыҭаразы. Ихацыркын арҵаҩцәа разыҟаҵара финансла аиқәыршәара.
Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ахәыҷтәы фонд аҵакы ахәшьара аҭауа, [[1965]] шықәса рзы иара ианаршьоит [[Нобель ипремиа]], жәларбжьаратәи аҩаӡараҟны аиашьара ашьақәырӷәӷәаразы. Апремиа анашьара ашьҭахь дук мырҵыкәа иԥсҭазаара далҵуеит Морис Пеит, убри инамаданы апремиа идикылеит анагӡаратә директор ҿыц Генри Лабуисс. Ари аҳамҭа афонд аусра ахәшьара хада азҭаз акакәны иҟалеит. ИУНИСЕФ, аԥҵан аамҭала аҭагылазаашьа ҷыдақәа риааиразы, Европа аибашьра ашьҭахь хылаԥшрада, напыда инхаз ахәыҷқәа ацхыраара рыҭаразы. Анагӡаратә директор Нобель ипремиа иацыз аԥарақәа рыла еиҿикааит Морис Пеит иаҳаҭыр азы апремиатә фонд. Есышықәса ари апремиа ацхыраара ҟанаҵоит ахәыҷра ахьчара зхы азызкыз ауаа разыҟаҵара аиӷьтәразы. [[1975]] шықәсазы Ахәыҷтәы фонд есышықәсатәи абиуџьет раԥхьаӡа акәны 100 миллион доллар еиҳахеит.
==«Аҭынчра абџьар» хархәара азуа==
ИУНИСЕФ анагӡаратә директор Анри Лабуисс апремиа анашьара ашьҭахь аиҿкаара ахьӡала иқәгылараан иазгәеиҭеит ахәыҷқәа зегьы аҵарадыррала реиқәыршәара шхымԥадатәу. Ҵарадырралеи информациалеи еиқәшәоу ахаҭарақәа рышьақәыргылара адунеи иқәынхо ауаа зегьы анырра рнаҭоит, агәреибагара рыбжьалоит.
Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ахәыҷтәы фонд агәабзиарахьчара, аҵарадырра аларҵәара, ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчара асубсидиақәа рзоузыжьуа, жәларбжьаратәи институтк аҳасабала иалшеит ахәыҷқәа рыцхыраареи амилаҭтә ҿиареи аимадара рыбжьаҵара. Иароуп иаазырԥшыз ахәыҷқәа рроль аԥхьаҟа аекономикатә, асоциалтә еиҭакрақәа рымҩаԥгараҟны.
Ахәыҷтәы фонд аиҳабырақәа аус рыцнауеит, урҭ рыбжьара аусеицура рзеиԥш хықәкы еихьӡарала анагӡара алнаршоит. Иаҳҳәап, Ахәыҷтәы фонд тәылак аҿы ахәыҷқәа рыцхырааразы апроект долларк ахҭнырҵазар, иара атәыла аиҳабырагьы убри аҟара ахҭнырҵароуп.
Ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчаразы иқәгылоу ИУНИСЕФ аҳасабтәқәа иреиуоуп – ахәыҷқәа ргәабзиара ахьчара аҿиара, ауаатәыҩса рпрогресс иузаҟәымҭхо, азеиԥш ҿиара ихымԥадатәу дҵаны ишыҟоу, жәларбжьаратәи аилазаара еилыркаартә аҟаҵара.
==Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ахәыҷтәы фонд аусура аструктуреи апринципқәеи ==
Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ахәыҷтәы фонд аусбарҭа хада акәны иҟоуп Анагӡаратә хеилак, уи Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Аекономикатә, Асоциалтә хеилак иалнахуеит хышықәса ҿҳәарас иаҭаны. Анагӡаратә хеилак иалоуп 36 ҳәынҭқарра рҟынтәи ахаҭарнакцәа. Афонд аусура напхгара арҭоит амаӡаныҟәгарҭеи анагӡаратә директори. Ари амаҵура 2010 шықәса раахыс дахагылоуп Ентони Леик.
ИУНИСЕФ иалнакаауа аҳасабтәқәа рахь иаҵанакуеит, ус иагьаанхоит – ахәыҷқәа ианхәыҷӡоу инаркны рыҿиара ацхраара, иҷыдоу ахәыҷқәа рхылаԥшра, ачымазарақәа раԥырҟәҟәаара, иара убас, ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчара.
Ахәыҷтәы фонд ихадоу ароль ааннакылоит авакцинатә шәарҭадара аԥҵараҟны, убри аан ахәыҷтәы вакцинақәа рҭахрақәа 40% процент рҟынӡа ахахьы иагоит. ИУНИСЕФ, иара убас, авакцинациеи аиммунизациеи рыпроблемақәа рзы зымҽхак ҭбаау алианс аԥҵаҩцәа иреиуоуп. Иара убас, афонд [[Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара|ООН]] агәыҳалалратә цхыраара азназго ирхадоуп.
2011 шықәса, ииун мзазы ООН Ахәыҷтәы фонд Мрагыларатәи Агәҭатәи Европа атәылақәеи Абжьаратәи Азиеи реиҳабырақәа рахь ааԥхьара ҟанаҵеит, «Хышықәса рхыҵаанӡа ахәыҷқәа аинтернат ахь рнагара аанкылара» захьӡыз акомпаниа рҽаладырхәырц. Аҳәынҭқарратә интернатқәа рҟны ахәыҷӡақәа рыҟазаара урҭ рҿиараҟны анырра бааԥс ҟанаҵоит ҳәа аспециалистцәа излазгәарҭаз ала. Аԥышәара иаанарԥшит, хымз асеиԥш аусҳәарҭаҿы ахәыҷы иҟазаара иалагӡаны, иара иеизҳараҟны мызкы даҵахоит, аҭаацәараҿы изызҳауа иаасҭа.
Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ахәыҷтәы фонд имҩаԥнагоит иполитикатәым, ганкы мацара иадымгыло аусура. Убри аҟнытә аԥыжәара рнаҭоит ахәыҷқәа, ииашаҵәҟьаны зегь раасҭа ацхыраара зҭаху. ООН апартниорцәеи агәыҳалалратә еиҿкаарақәеи аус рыцура акәзар, иаарласны хықәкылатәи ацхыраара аҟаҵара алнаршоит.
==ИУНИСЕФ финансла аиқәыршәара ==
Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ахәыҷтәы фонд агәра ганы иҟоуп, адунеизегьтәи апрогресс шзалымшо ахәыҷқәа зегьы инхарҭәааны рыҿиара ада. Убри аҟнытә, афонд аусура зегьы шьақәгылоит абри апозициала. ИУНИСЕФ еснагь аполитикцәеи еиуеиԥшым аҳәынҭқарратә еиҿкаарақәеи рахь ааԥхьара ҟарҵоит аусеицуразы, адгылара рырҭоит, инарыгӡоит апрограммақәа, ахәыҷқәа ргәабзиарахьчареи, урҭ ринтеллектуалтә ҿиареи хықәкыс измоу.
ИУНИСЕФ Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара аҟынтәи аԥара аиуӡом, иара аусура шьақәгылоуп агәыҳалалратә шьаҭала. Аусура мҩаԥысуеит аиҳабырақәа, акорпоративтә еиҿкаарақәа, хаҭала ауаа иҟарҵо алагалақәа рыла. Аҩбатәи ацхыраара афонд иаиуеит хықәкылатәи апрограммақәа рзы атәылақәа-адонорцәа рҟынтә. Алагалақәа рҟынтәи хынҩажәа процент ИУНИСЕФ идәықәнаҵоит ихьысҳан иҿио атәылақәа рахь, убри аҟнытә аԥарақәа рыбжа Африка атәылақәа рахь ицоит. Ибжьаратәу ахашәала змоу атәылақәа ирзоурыжьуеит ахыԥхьаӡара зегь ахьтә ԥшь-процентк.
Ҳазну аамҭазы афонд есышықәсатәи абиуџьет 5 миллиард доллар ыҟоуп.
==Дарбанзаалак ахәыҷы изин ахьчара – ИУНИСЕФ ахықәкы хада ауп==
ИУНИСЕФ аусура азырхоуп, иарбан регионзаалак рыструктурақәа зегьы зҿлымҳара рырҭаларц еиҳа ихьысҳау ахәыҷқәа.
Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ахәыҷтәы фонд аусура апринципқәа инарықәыршәаны ишьақәнаргылеит 10 хықәкык, ахәыҷқәа рыпроблемақәа рыӡбара знапы алаку аинститутқәа рырӷәӷәара хырхарҭас измоу. Урҭ рахь иаҵанакуеит:
*ахәыҷы игәабзиара ахьчаразы азин;
*аҭаацәараҿы ихылаԥшразы ахәыҷы изин;
*азинӡбарҭахь ԥынгылада анеиразы ахәыҷы изин;
*иқәра анмаҷу инаркны аҵара аиуразы ахәыҷы изин;
*зхаҭабзиара ҳараку аинклиузивтә ҵарадырра аиуразы ахәыҷы изин;
*ВИЧ-инфекциа ада аиразы ахәыҷы изин;
*ҳәаада аҭагылазаашьа маншәалазы ахәыҷы изин;
*асоциалтә хьчаразы ахәыҷы изин;
*асоциалтә хьчара апрограммақәа рзы ахәыҷы изин;
*арыцҳара иацәыхьчара азы ахәыҷы изин;
*иԥсҭазаара аҩбатәи ажәашықәсахь аиасра, аҩбатәи ашанс аиуразы ахәыҷы изин.
==Урыстәыла аҵакыраҿы ИУНИСЕФ аусура==
[[Урыстәыла]] ИУНИСЕФ ахаҭарнакра аусура иалагеит 1997 шықәса, март мзазы. Аусеицура знапы алакыз Урыстәыла Агәабзиарахьчареи асоциалтә ҿиареи рминистрра акәын. Партниорцәа хаданы иҟан Аҵареи аҵарадырреи, Адәныҟатәи аусқәеи, Аҩныҵҟатәи аусқәеи, Аиустициеи рминистррақәа, иара убас аҳәынҭқарратә мчрақәа ррегионалтә усбарҭақәа.
ИУНИСЕФ иара ианаамҭаз Урыстәыла асоциалтә программақәа жәпакы мҩаԥнагон. Иаагозар, аԥшьгамҭа «Ҷыдала ахьчара зҭаху ахәыҷқәа» азкын зҭагылазаашьа уадаҩу ахәыҷқәа, еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны зҭаацәа зыԥхаз, аинтернатқәа, мамзаргьы амҩаду ианхалаз ахәыҷқәа ацхыраара рыҭара. Даҽа программак, афонд аус зыднаулаз — «Аҿар ргәабзиареи рыҿиареи» азкын «аҿар рахь аиҩызаратә еилазаара», аҿартә информациатә центрқәа, асоциал-ԥсихологиатә цхыраара амодель аус адулара, ақәыԥшцәа раԥшьгамҭақәа рыдгылара. Еиҿыркаауан, иара убас, егьырҭ зымҽхак ҭбааз апроектқәа.
Урыстәыла Ахәыҷтәы фонд хшыҩзышьҭра арҭон, убасгьы, ахәыҷы изинқәа рзы аконвенциа, ахәыҷқәа ирызкыз Адунеизегьтәи аиҿкаарақәа рыҿиара. Иазгәаҭатәуп, иара убас, Нхыҵ Кавказ аибашьра иахҟьаны ааха зауз ахәыҷқәа ацхыраара рыҭара иазкыз ИУНИСЕФ хазы игоу апрограмма.
2005 шықәсазы Ахәыҷтәы фонд Урыстәыла еиҿнакааз апроектқәа рыхә 2,5 млн. доллар инаӡоит. Афонд ахылаԥшрала Урыстәыла имҩаԥысуан акультуреи аҟазареи русхк аҿы жәларбжьаратәи ауснагӡатәқәа.
Есышықәса Ахәыҷтәы фонд Урыстәыла имҩаԥнагоз аусурақәа рзы аҳасабырба азнархион, урҭ апрессаҿ иркьыԥхьуан, астол гьежьқәа рҿы ирылацәажәон. Аҽалархәразы иаарыԥхьон амчрақәеи ауаажәларреи рхаҭарнакцәа.
Аха, 2009 шықәса сентиабр 4 рзы Урыстәыла ахада иҟаиҵаз аӡбамҭала ИУНИСЕФ ахаҭарнакреи афондқәеи Урыстәылатәи Афедерациаҟны иаанкылан.
==ИУНИСЕФ Европеи Агәҭатәи Азиеи рҟны апандемиа инамаданы аҭактә уснагӡатәқәа аднакылоит==
ИУНИСЕФ алшарақәа зегь еизнакит Европеи Агәҭатәи Азиеи KOVID-19 аламырҵәаразы, ихьысҳау ахәыҷқәа апандемиа рацәыхьчаразы. Русураҿы рхы иадырхәон ахәыҷқәа ргәабзиара, рҵарадырра ахьчаразы уаанӡа ирымаз аԥшьгарақәеи идырҳаз адыррақәеи.
Ахәыҷтәы фонд аус рыцнауан ООН асистема иаҵанакуа аиҳабырақәеи аусбарҭақәеи, иара убас еиҳабыратәым аиҿкаарақәа, апандемиа иадҳәалоу аҭактә уснагӡатәқәа рыдкылара хықәкыс иҟаҵаны. Афонд рыцхраауан аиҳабырақәа, зыда ԥсыхәа ыҟам ахыхьчаратә хархәагақәа раахәараҟны, адизинфекциатә хархәагақәа, амедицинатә мыругақәа уҳәа уб. иҵ. Адунеитә џьырмыкьаҿы иҟоу аԥкрақәа ирызхьамԥшкәа, ИУНИСЕФ Европеи Агәҭатәи Азиеи ртәылақәа реиҳарак рахь идәықәырҵеит ацхыраара.
Аҵара аминистррақәа аус рыцуа, афонд еиҿнакааит аҵара апрограмма, иара убас ацифратә платформақәа, адистанциатә ҵара аларгалеит жәаф тәыла рҿы.
COVID-19 инамаданы ашәарҭадараз, ахьчараз, ахәыҷқәа позитивтәла рааӡаразы, адырра рыҭан шәнызқьҩыла ахәыҷқәа, аҭаацәа, бызшәарацәала иҟаҵаз аматериалқәа, авидео, асоциалтә ҳақәа, иара убас аинновациатә, аинтерактивтә платформақәа рыбзоурала.
Ачымазара ҿкы анырра бааԥс ҟанаҵеит миллионҩыла ахәыҷқәеи аҭаацәеи рыԥсҭазаараҟны. Убарҭ зегьы ҳасаб рзуны ИУНИСЕФ ацхыраара рнаҭоит арегион зегь аҟны инхо ахәыҷқәа.
==Азхьарԥшқәа==
* https://www.unicef.org/about-unicef/frequently-asked-questions#1
* https://www.unicef.org/eca/ru/%D0%BE-%D0%BD%D0%B0%D1%81
* https://www.un.org/ru/sections/nobel-peace-prize/united-nations-childrens-fund-unicef/index.html
* https://www.un.org/ruleoflaw/ru/un-and-the-rule-of-law/united-nations-childrens-fund/
* https://www.un.org/ru/sections/issues-depth/children/index.html
* https://www.unicef.org/eca/ru/%D0%BE-%D0%BD%D0%B0%D1%81
* https://www.un.org/ru/
* https://www.un.org/ruleoflaw/ru/un-and-the-rule-of-law/united-nations-childrens-fund/
* https://www.un.org/ru/aboutun/finance/docs/financialrules.shtml
* http://xn--h1ahbi.com.ua/info/127-unicef-united-nations-childrens-fund-detskiy-fond-organizacii-obedinennyh-naciy-yunisef.html
* http://childpsy.ru/organizations/20722/
* https://web.archive.org/web/20210205165838/http://www.artus.ru/index.asp?rid=1555
* https://www.unicef.org/eca/ru
* https://www.un.org/ru/sections/where-we-work/europe-and-central-asia/
{{Авторитет змоу адыррақәа}}
[[Акатегориа:ИуНИСЕФ| ]]
[[Акатегориа:Ицәырҵит 1946 шықәсазы Ниу-Иорк аштат]]
[[Акатегориа:Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Иҭышәынтәалоу Аҿиара Агәыԥ]]
[[Акатегориа:Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара аекономикатәи асоциалтәи хеилак]]
[[Акатегориа:Аҭынчра ахырхарҭаҿ Нобель ипремиа занашьаз аиҿкаарақәа]]
[[Акатегориа:Еиду Америкатәи Аштатқәа рҿы иҟоу ахәыҷтәы гәыҳалалратә еиҿкаарақәа]]
[[Акатегориа:1946 шықәсазы иаԥҵаз аиҿкаарақәа]]
sye18hi126sfiydvm1vhcs8ddo7z1fr
Виетнамтәи аибашьра
0
37725
175744
174457
2026-10-20T00:23:42Z
InternetArchiveBot
15973
Rescuing 1 sources and tagging 0 as dead.) #IABot (v2.0.9.6
175744
wikitext
text/x-wiki
[[Афаил:VietnamMural.jpg|мини|Виетнамтәи аибашьра]]
'''[[Виетнам]]тәи аибашьра''' ({{lang-en|Vietnam War}}, {{lang-vi|Chiến tranh Việt Nam}}) — ари аибашьра [[20-тәи ашәышықәса]]зы зегьы иреиҳаз арратә конфликтқәа рахь иаҵанакуеит. Уи ашьҭақәа аанажьит аҭоурых ҿыци акультуреи рҟны. Ари аибашьра х-хәҭакны иушар алшоит: апартизантә еибашьра [[Аладатәи Виетнам]] (1955–1965 шш.), [[Еиду Америкатәи Аштатқәа]] ари аибашьра аҟны арратә ралахәхара (хәажәкырамза 1965–1973 шш.), ахыркәшаратә аамҭа (1973–1975 шш.). Ари аамҭа иалагӡаны атәыла хәыҷы аҟны иҭахеит ԥшь-миллионҩык аҭынч уааԥсыра, миллионки бжаки инарзынаԥшуа аҩганк рҟынтәи аруаа.<ref>{{Cite web |url=https://bigenc.ru/military_science/text/2380343 |title=«ВЬЕТНА́МСКАЯ ВОЙНА́» |access-date=2024-01-27 |archive-date=2022-10-11 |archive-url=https://web.archive.org/web/20221011012631/https://bigenc.ru/military_science/text/2380343 |url-status=dead }}</ref>
== Аконфликт зыхҟьаз ==
Виетнамтәи аибашьра зыхҟьаз, атәыла ауааԥсыра [[афранцызцәа]] дара ртәыла аҟны иҟарҵоз анырра ахьыргәамԥхоз ауп ҳәа уҳәар алшоит. [[19-тәи ашәышықәса]] аҩбатәи азбжазы Виетнам [[Франциатәи аколониалтә империа]] иаҵанакуан.
[[Актәи адунеизегьтәи аибашьра]] анеилга, атәылаҟны ауааԥсыра рмилаҭтә хдырра шьҭыҵуа иалагеит, урҭқәа рныԥшуан хыԥхьаӡара рацәала еиҿкааз маӡалатәи акружокқәа, дара зегьы Виетнам ахьыԥшымра азаагара акәын изышьҭаз. Убри аамҭазы ауп атәыла аҵакырадгьыл аҟны бџьаршьҭыхлатәи ақәгыларагьы аныҟалазгьы. [[Китаи]] иаԥҵан Виетнам ахьыԥшымразы Алига – «Виетмин», уи иалаз зегьы еидызкылоз ахақәиҭра аидеиа ауп. Анаҩс, Виетмин хадара аиҭалоит [[Ҳо Ши Мин]], Алигагьы акоммунисттә хырхарҭа аанахәеит.<ref>https://switki.ru/476854a-vetnamskaya-voyna-godyi-prichinyi-hod-voynyi-i-itogi</ref>
Виетнамтәи аибашьра зыхҟьаз иааркьаҿны иуҳәозар, [[Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра]] ашьҭахь, 1954 шықәсазы виетнамтәи аҵакырадгьыл зегьы а-17-тәи апарралель ала иахьшаз ауп. Убри аан [[Аҩадатәи Виетнам]] Виетмин ахылаԥшраҿы иҟан, [[Аладатәи Виетнам|ладатәи]] – афранцызцәа рнапхгараҭара аҟны иҟан.
Акоммунистцәа [[Китаитәи Жәлар Республика]] аҟны иргаз аиааира [[Еиду Америкатәи Аштатқәа]] агәҭынчымра рызцәырнагеит, убри аҟнытә Виетнам аҩныҵҟатәи аполитика иалацәажәо иалагеит лада [[Франциа]] анапаҵаҟа иахьыҟаз аганаҿы. Аштатқәа реиҳабыра Китаитәи Жәлар Республика аҟынтәи ашәарҭара ыҟоуп ҳәа изыԥхьаӡоз, убас еиԥш агәаанагара рыман, Китаи Ҟаԥшь Виетнам анырра аҟаҵара иаарласны гәаҳәарас иаиуеит ҳәа, аха ари аҩыза Еиду Америкатәи Аштатқәа ҟалашьа арҭомызт.
Иҟан убас еиԥш агәаанагара, 1956 шықәсазы Виетнам иаку ҳәынҭқарракны еидылоит ҳәа, аха [[Аладатәи Франциа]] иаҭахымхеитАҩадатәи акоммунистцәа рнапхгараҭара аҵаҟа аҟазаара, абри ауп мзыз хадас иҟалазгьы аибашьра алагаразы. Абри иахҟьаны хьаада атәыла аидҵара залыршамхеит: Виетнам аибашьра изацәымцеит. Акоммунисттә Ҩада гәҭакыс иҟанаҵоит амчра ахархәара ала атәылаАҩадатәи ахәҭа анапахьы аагара.<ref name="dupc7a9ea">https://vietnamland.ru/vojna-vo-vetname/</ref>
== Аибашьра алагара заатәи апериод ==
Аха хьаада атәыла аидҵара ҟалашьа амоуит. Виетнам еибашьрада изеилымго аамҭа иҭагылеит. Акоммунисттә ҩада мчыла атәыла аладатәи ахәҭа анапахьы аагара аӡбоит. Абра иҳәатәуп Виетнам аибашьра алагара шабзоурахаз Аладатәи ачынуаа рганахь ала имҩаԥгаз акыр атеррактқәа.
1960-тәи ашықәсқәа адунеизегьтәи адырра зауз аиҿкаара [[Виетконг]] аԥҵара иашықәсхеит, даҽакала уи [[Аладатәи Виетнам ахақәиҭтәразы Амилаҭтә фронт]] ҳәа иашьҭан (НФОЮВ), ари аиҿкаара еиднакылеит хыԥхьаӡара рацәала иҟаз агәыԥқәа Лада иаҿагыланы еибашьуаз.<ref name="dup7fbd18">{{Cite web |url=https://arena-pilotage.ru/mashiny/vetnamskaya-vojna-kratko.html |title=Archive copy |access-date=2024-01-27 |archive-date=2024-12-25 |archive-url=https://web.archive.org/web/20241225231109/https://arena-pilotage.ru/mashiny/vetnamskaya-vojna-kratko.html |url-status=dead }}</ref>
Виетнамтәи аибашьра алагашьеи уи алҵшәақәеи ртәы ануҳәо, имҳәакәан узраҩсуам ари иџьбараз аиҿагылара азы ихадараз ахҭысқәа. 1961 шықәсазы америкатәи ар аиҿагыларақәа ахы рыланархәуам, аха Виетконг имҩаԥнагоз аусқәа Еиду Америкатәи Аштатқәа даара иаргәамҵит, абри аҟынтә америкаа раԥхьа еснагьтәи архәҭақәа [[Аладатәи Виетнам]]ҟа идәықәнаҵоит.
Ара америкатәи архәҭақәа Аладатәи виетнамаа рыруаа азыҟарҵон, насгьы урҭ ацхыраара рырҭон ажәыларақәа реиҿкаара аус аҟны. Раԥхьатәи арратә еидыслара ӷәӷәа ҟалеит 1963 шықәсазы, усҟан виетконготәи апартизанцәа Апбак аҵаҟатәи аибашьра аҟны ладавиетнамтәи ар ԥыхха ишьҭарҵеит. Ари аҵахара ашьҭахь аполитикатә ахҳәара ҟалеит, уи аан дшьын Лада анапхгаҩы Зием. Виетконг акәзар, апозициақәа арӷәӷәеит, апартизанцәа реиҳараҩык Аладатәи аҵакырадгьыл ахь идәықәҵан. Ирызҳауан америкатәи асолдаҭцәа рхыԥхьаӡарагьы. 1959 шықәса рзы урҭ 800-ҩык ыҟазҭгьы, 1964 шықәсазы Виетнамтәи аибашьра иалахәын 25-нызқьҩык рҟынӡа америкатәи аруаа.<ref>{{Cite web |url=https://vietnamix.ru/istoria/vojna-vo-vetname.html |title=Основные события и этапы войны во Вьетнаме |access-date=2024-01-27 |archive-date=2024-01-27 |archive-url=https://web.archive.org/web/20240127201639/https://vietnamix.ru/istoria/vojna-vo-vetname.html |url-status=dead }}</ref>
== Еиду Америкатәи Аштатқәа аибашьра рҽалагалара ==
Виетнам аибашьра иацҵан. Аҩадатәи Виетнам апартизанцәа иаадырԥшуаз хамеигӡаралатәи аҿагылара аҟны ирыцхраауан атәыла агеографиатәии аклиматтәии ҷыдарақәа. Абнара, ашьхара, аамҭа-аамҭала зҽызыԥсахуаз аҳауа – зны ақәаршаҩы, зны ашоура бааԥс – америкатәи асолдаҭцәа рзы ахгара мариамызт, аха Виетконгтәи апартизанцәа рус анагӡараҿы ицхыраагӡан, дара рзын арҭ аԥсабаратә ҽеиҭакрақәа рышьцылара аҭахны иҟамызт, уи иалааӡан.
1965 шықәса инаркны 1974 шықәсанӡа Виетнамтәи аибашьра мҽхакы ҭбаала имҩаԥысуан, Еиду Америкатәи Аштатқәа рыруаа ралахәхара ала. 1965 шықәса алагамҭазы, жәабранмзазы виетконгаа америкатәи арратә обиектқәа ирықәлеит.<ref>https://elar.urfu.ru/bitstream/10995/4841/1/uv-2005-10.pdf</ref>
Абри ашьҭахь, америкатәи апрезидент [[Џьонсон, Линдон|Линдон Џьонсон]] аҭактә жәылара амҩаԥгара дшазыхиоу рылеиҳәеит, ус иагьыҟалеит, имҩаԥган «Пылающее копье» ҳәа ззырҳәаз аоперациа – ари даара иџьбараз, ишьаарҵәыраз операциан, америкатәи авиациа виетнамтәи аҵакырадгьыл хыԥхьаӡара рацәала артҟәацгақәа аланажьит.
1965 шықәса хәажәкырамзазы, Еиду Америкатәи Аштатқәа рырхәҭақәа даҽа операциакгьы мҩаԥыргеит, «Раскаты грома» зыхьӡырҵаз. Абри аамҭазы америкатәи архәҭақәа рхыԥхьаӡара 180-нызқь рҟынӡа инаӡахьан. Аха, ари ала аус аанымкылеит. Иацааиуаз даҽа хышықәса ирылагӡаны америкатәи архәҭақәа рхыԥхьаӡара 540-нызқь рҟынӡа инаӡеит. Актәи ажәылара Еиду Америкатәи Аштатқәа рырхәҭақәа злахәыз мҩаԥган 1965 шықәса нанҳәамзазы. Аоперациа «[[Аоперациа Старлаит|Старлаит]]» америкаа риааира ала ихыркәшахеит, усҟан иҭахеит 600-ҩык инарзынаԥшуа виетконгаа.
Абри ашьҭахь америкатәи архәҭақәа рҿаԥхьа зҵаара хаданы иқәгылоит апартизанцәа ԥшааны рықәхра, аха лассы-лассы Аладатәи Виетконг ашьхаратә ҵакырақәа рҟны апартизанцәеи америкатәи асолдаҭцәеи реидысларақәа аҵыхәтәантәиқәа даара иаркарон.
1967 шықәсазтәи аибашьра аан, Дакто аҵаҟа Еиду Америкатәи Аштатқәа рыршьаҟауааи, 173-тәи аҳаир-десанттә бригадеи акыр ацәыӡ ӷәӷәақәа рыҭан, урҭ апартизанцәеи ақалақьи рнапахьы аагара шрылшазгьы. 1953 шықәса инаркны 1975 шықәсанӡа Еиду Америкатәи Аштатқәа виетнамтәи аибашьра иақәдхарџьит 168 миллион доллар. Ари [[Еиду Америкатәи Аштатқәа рфедералтә биуџьет|Америкатәи афедералтә биуџьет]] даара ианыԥшит.<ref>{{Cite web |url=https://warways.ru/voennye-konflikty/vetnamskaya-vojna.html |title=Вьетнамская война – парадокс истории |access-date=2024-01-27 |archive-date=2023-06-04 |archive-url=https://web.archive.org/web/20230604045851/https://warways.ru/voennye-konflikty/vetnamskaya-vojna.html |url-status=dead }}</ref>
== Теттәи ажәылара ==
Виетнамтәи аибашьраан америкатәи архәҭақәа реизырҳара мҩаԥысуан хатәгәаԥхарала уахь инеиуази арра иаарыԥхьоз рыхәҭаки рыбзоурала. Апрезидент Л. Џьонсон мап ацәикит хәҭалатәи амобилизациа, насгьы, арезервистцәа аибашьрахь рнаԥхьара, убри аҟынтә, 1967 шықәсазы америкатәи аруаа руаатәыҩсатә резерв нҵәеит. Аха Виетнам аибашьра шцац ицон.
1967-тәи ашықәс аҽанааиҩнашоз Аҩадатәи Виетнам арратә напхгара Лада ақәларазы инарҭбаау ақәылара аҽазырхиара иалагеит. Виетконг убас еиԥш аҭагылазаашьа аԥнаҵарц аҭахын, америкатәи архәҭақәа Виетнам алгара иалагаразы, насгьы [[Нгуен Ван Тхиеу]] иеиҳабыра рахҳәара хықәкыс иҟан. Еиду Америкатәи Аштатқәа арҭ апланқәа рзы адырра рыман, аха виетконгаа ржәылара уеизгьы ирзымбатәбарахеит. Ҩадаа рырхәҭеи апартизанцәеи Тет амш аҽны (Виетнамтәи ашықәс ҿыц) ажәылара иалагеит.<ref>{{Cite web |url=https://stoneforest.ru/event/history/tetskoe-nastuplenie-vjetnam/ |title=Archive copy |access-date=2024-01-27 |archive-url=https://web.archive.org/web/20260614070602/https://stoneforest.ru/event/history/tetskoe-nastuplenie-vjetnam/ |archive-date=2026-06-14 |url-status=dead}}</ref>
[[Ажьырныҳәамза 31]], [[1968]] шықәсазы Аҩадатәи Виетнам архәҭақәа алада аҵакырадгьыл зегьы ааха ӷәӷәақәа анаҭеит, ақалақь дуқәагьы уахь иналаҵаны. Акыр ажәыларақәа шаанкылазгьы, аладатәи ақалақь [[Хиуе]] ацәыӡуеит. Хәажәкырамзазы ауп ари ажәылара анаанкылаз. Америкаа 45 мшы ицоз аҩадатәи ажәыларақәа раан ирцәыӡит 150.000 нызқьҩык асолдаҭцәа, 2.000 [[вертолиоти ҳаирплан]]и, 5.000 цыра еиҳаны арратә техникеи, 200 ӷбеи.
Аамҭаказы, Америка Адемократиатә республика Виетнам иабашьуан аҳаиртә бомбақәа алажьуа. Урҭ раан ахархәара рыман зықь цыра ҳаирплан инарзынаԥшуа, урҭ 1964 шықәса инаркны 1973 шықәсанӡа 2 миллионк инарзынаԥшуа арратә ыҵԥыррақәа мҩаԥыргеит, уиаан Виетнам иаларыжьит 8 миллионк инарзынаԥшуа артҟәацгақәа.<ref>{{Cite web |url=https://humanite-russie.ru/2020/01/03/tetskoe-nastuplenie-povorot-v-voyne-vo-vetname/ |title=Тетское наступление вьетконговцев и северовьетнамской армии стало блистательной стратегической победой |access-date=2024-01-27 |archive-date=2024-01-27 |archive-url=https://web.archive.org/web/20240127201639/https://humanite-russie.ru/2020/01/03/tetskoe-nastuplenie-povorot-v-voyne-vo-vetname/ |url-status=dead }}</ref>
Аха Америка аруаа арагьы акагьы рзалымхит.Аҩадатәи Виетнам ақалақь дуқәа рҟынтәи ауааԥсыра иалыргеит, ауаа ашьхақәеи абнатоурақәеи рҟны ирҵәахит. Асовет Еидгыла акәзар,Аҩадатәи виетнамаа аистребительқәа, ПВО акомплексқәа, арадиотехника рыла еиқәнаршәон, насгьы ахархәашьа днарҵон.
Абарҭқәа ирыбзоураны виетнамаа ирылшоит Еиду Америкатәи Аштатқәа рҳаирпланқәа 4.000 цыра рҭархара, аконфликт зегьы аамҭа иҭагӡаны. Хиуе аҵаҟа аибашьра алада виетнамтәи архәҭақәа ари ақалақь дыргьежьырц азы имҩаԥыргоз, зегь реиҳа ишьаарҵәыраз аамҭан. Теттәи ажәылара Еиду Америкатәи Аштатқәа руааԥсыра рыбжьара виетнамтәи аибашьра иаҿагыланы ақәгыларақәа цәырнагеит. Усҟан аӡәырҩы ари аибашьра игәымбылџьбараз, ҵакы змамыз акәны ирыԥхьаӡеит. Аӡәгьы игәгьы иаанагомызт виетнамтәи акоммунистцәа рырхәҭақәа ас еиԥш амҽхак змаз аоперациа аиҿкаара рылшап ҳәа.<ref>https://www.istmira.com/novosti-istorii/11889-vetnamskaya-voyna-prichiny-hod-i-posledstviya.html</ref>
== Еиду Америкатәи Аштатқәа рырхәҭақәа ралгара ==
Абҵарамза, 1968 шықәсазы ҿыц иалхыз Еиду Америкатәи Аштатқәа рпрезидент ҿыц Р. Никсон имаҵзура данахагыла ашьҭахь, агәыӷра цәырҵит америкаа рырхәҭақәа Индокитаинтәи иалыргап ҳәа, ас еиԥш агәыӷра ҟазҵаз Никсон иалхранӡатәи иқәгыларақәа раан ус еиԥш агәыӷрақәа ахьриҭоз ауп.
Еиду Америкатәи Аштатқәа Виетнам реибашьра Америка арепутациаазы ицәырԥхашьагаз шәахсҭаны ианхалеит. 1969 шықәсазы Аладатәи Виетнам жәлар рхаҭарнакцәа реизара ду аҟны аҳәамҭа ҟаҵан ареспублика аԥҵаразы (РЮВ). Апартизанцәа - бџьарла еибыҭаз жәлар ирымчрақәаны иҟалеит (НВСО ЮВ). Ас еиԥш аҭагылазаашьа Еиду Америкатәи Аштатқәа реиҳабыра аиҿцәажәарақәа реишәа иаханартәоит, насгьы ари атәыла алахысрақәа ааныркылар акәхеит.<ref>https://militaryarms.ru/voennye-konflikty/vojna-vo-vetname/#h3_13</ref>
Никсон дызхагылаз Америка маҷ-маҷ виетнамтәи аибашьра аҟны аҟазаара аԥнахуан, 1971-тәи ашықәс ианалага, алада-виетнамтәи иалган 20-нызқьҩык аруаа. Саигонтәи ар ракәзар, 1.100-ҩык рҟынӡа еизырҳан. Аха, убриаан америкаа ихьанҭаз рабџьар аиҳарак зегьы Аладатәи Виетнам иааныжьын.
1973 шықәса Ажьырныҳәамза 27 рзы, Виетнам аибашьра аанкыларазы Парижтәи аиқәышаҳаҭра анапы аҵаҩын. Еиду Америкатәи Аштатқәа аҳәамҭа ҟарҵеит зыӡбахә ҳәоу аҵакырадгьылқәа рҟынтә арратә базақәа зегьы шықәырго. Убри анаҩсгьы, арратә шасцәа реиҭныԥсахлара азгәарҭеит.<ref name="dupc7a9ea"/>
== Аибашьра аҵыхәтәантәи аетап ==
Виетнамтәи аибашьра ашьҭахь, Еиду Америкатәи Аштатқәа лада 10-нызқьҩык аруааи 4 миллиардк америкатәи адолларқәеи финансттә цхыраарак аҳасаб ала иазыннажьуеит, ас еиԥш ацхыраара аҭыԥ аман 1974–1975 шықәсқәа рзы. 1973 шықәса инаркны 1974 шықәсанӡа, иаҵанакыз аамҭахәҭазы, ахақәиҭтәразы Жәлар рыфронт амчра ҿыцқәа рхархәара ала арратә усқәа хацнаркит.
Акыр ацәыӡқәа зауз ладауаа, 1975 шықәсазтәи ааԥынразы Саигон заҵәык ауп аҿагылара аарԥшра ахьрылшаз. Зегьы еилгеит мшаԥымза, 1975 шықәсазы аоперациа «Ҳо Ши Мин» ашьҭахь. Америкатәи адгылара змамыз лада виетнамаа рыр ԥыхха иган. 1976 шықәсазы Виетнам ахәҭақәа рыҩбагьы еидҵан, иагьыҟалоит Виетнамтәи Асоциалисттә Республиканы.<ref>https://usamagazine.ru/vojna-vo-vetname/</ref>
== СССР-и Китаии ари аконфликт ралахәра ==
[[СССР]] аганахьала арратәи, аполитикатәи, аекономикатәи цхыраара аҭоупАҩадатәи Виетнам, иара аибашьра ахыркәшараҿгьы даара ароль ду нанагӡеит. Абаӷәаза Хаифон ала Асовет Еидгыла аҟнытә Виетконгҟа иааргон абџьари аџьаԥҳани, акәылӡтәы техника, ихьанҭоу абџьар. Консультантцәақәак раҳасаб ала, ари аибашьра иадыԥхьалан аԥышәа змаз асоветтә арратә занааҭдырҩцәа, урҭ виетконгаа аибашьышьа ддырҵон. [[Китаи]], иара убасгьы, ахатәы интерсқәа аман аҟнытә, ҩадаа ирыцхраауан – аалыҵқәа, абџьар, аидарамҩангага амашьынақәа рыла. Абри анаҩсангьы Аҩадатәи Виетнамҟа инашьҭын китаитәи архәҭақәа, урҭ рхыԥхьаӡара 50-нызқьҩык рҟынӡа инаӡон, арҭ архәҭақәа рыруаа амҩақәа еиҭашьақәдыргылон, иара убасгьы аихамҩақәа шьҭарҵон.<ref>https://topwar.ru/13536-sovetskie-voyska-vo-vetname-kakova-byla-ih-zadacha.html</ref>
== Виетнамтәи аибашьра ахҟьаԥҟьақәа ==
Ишьаарҵәыраз Виетнамтәи аибашьра миллионла ауаа рыԥсҭазаарақәа агеит, урҭ реиҳараҩык аҭынчуааԥсыра ракәын. Даара ааха аиуит аекологиа, ихшьаан акыр аҵлақәа. Ҩада акәзар, Америка иаланажьуаз абомбақәа ирыхҟьаны иԥыхха ишьҭаҵан, абнатоурақәа зегьы блын. Аибашьра аан ахархәара аман ахимиатә бџьар, уигьы, ҳәарада, аекологиа анырра ӷәӷәа анаҭеит.
Америка архәҭақәа рветеранцәа ари аибашьра ҿаасҭа рыԥсихика ианыԥшит, акыр ачымазара бааԥсқәа идыргәаҟуан, уи зыхҟьоз аибашьра аан ахархәара змаз Agent orange аилазаара иалаз амаҭәашьар диоксин ауп. Америкатәи асолдаҭцәа рыбжьара акыр аҽшьрақәа аҭыԥ рыман, аха аофициалтә дыррақәа рҟны урҭ рыӡбахә рҳәомызт.<ref name="dup7fbd18"/>
== Арратә цәгьоурақәа ==
Виетнамтәи аконфликт аан акыр арратә цәгьоурақәа аҭыԥ рыман. Зегь раԥхьа иргыланы, уи ахимиатә бџьар «Оранж» ҳәа ззырҳәоз, атропикатә бнақәа ықәызгоз адефолиантқәеи агербицидқәеи рхархәара акәын.
72 миллион литра «Оранж» Виетнам аҵакырадгьыл алаҭәара анаҩсгьы, Америка архәҭақәа ахархәара арҭоит 44 миллион литра. татрахлородибензодиоксин амаҭәашьар. Ари амаҭәашьар ауаҩы ицәеижь ианалалалак акыр ачымазаара бааԥсқәа цәырнагоит. Иара убасгьы, абра иазгәаҭатәуп аибашьра аан массала ауаҩшьрақәа аҭыԥ шрымаз Сонгми, Хами, Хиуе.
Виетнамтәи аибашьра аан уи аҵакырадгьыл аҟны иртҟәацын 14 миллион тонна артҟәацга. Аибашьра зыхҟьаз ҳәа уҳәозар, раԥхьатәи – адунеи аҟны акоммунисттә идеологиа аламырҵәара ауп, иҩбатәихаз – ҳәарада, аԥара ауп. Акыр акорпорациа дуқәа ари аибашьраҟны аԥара рацәа арҳара рылшеит. Аха аофицилтә мзызқәа ҳәа ирҳәоз адунеитә демократиа алараҵәара аҭахханы иахьыҟаз ауп.<ref>https://disgustingmen.com/history/10-weird-facts-about-vietnam-war/</ref>
==Азгәаҭақәа==
{{reflist}}
{{Авторитет змоу адыррақәа}}
[[Акатегориа:Виетнамтәи аибашьра| ]]
[[Акатегориа:1950-тәи ашықәсқәа раан аконфликтқәа]]
[[Акатегориа:1950-тәи ашықәсқәа раан Виетнам иҟалаз ахҭысқәа]]
[[Акатегориа:1960-тәи ашықәсқәа раан аконфликтқәа]]
[[Акатегориа:1960-тәи ашықәсқәа раан Виетнам иҟалаз ахҭысқәа]]
[[Акатегориа:1970-тәи ашықәсқәа раан аконфликтқәа]]
[[Акатегориа:1970-тәи ашықәсқәа раан Виетнам иҟалаз ахҭысқәа]]
[[Акатегориа:Индокитаитәи аибашьрақәа]]
[[Акатегориа:Лаостәи атәылауаҩратә еибашьра]]
[[Акатегориа:Камбоџа атәылауаҩратә еибашьра]]
[[Акатегориа:Виетнам иҟалаз атәылауаҩратә еибашьрақәа]]
[[Акатегориа:Аибашьра хьшәашәаан аконфликтқәа]]
[[Акатегориа:Аимпериализм]]
[[Акатегориа:Апрокси аибашьрақәа]]
[[Акатегориа:Ареволиуциа шьаҭас измоу атәылауаҩратә еибашьрақәа]]
[[Акатегориа:Виетнамтәи аибашьраан Еиду Америкатәи Аштатқәа рыр]]
[[Акатегориа:Виетнамтәи аибашьраан Еиду Америкатәи Аштатқәа рмшынтә корпус]]
[[Акатегориа:Австралиа аибашьрақәа]]
[[Акатегориа:Камбоџа аибашьрақәа]]
[[Акатегориа:Лаос аибашьрақәа]]
[[Акатегориа:Зеландиа ҿыц аибашьрақәа]]
[[Акатегориа:Аҩадатәи Кореиа аибашьрақәа]]
[[Акатегориа:Аладатәи Кореиа аибашьрақәа]]
[[Акатегориа:Таиван аибашьрақәа]]
[[Акатегориа:Таиланд аибашьрақәа]]
[[Акатегориа:Китаитәи Жәлартә Республика аибашьрақәа]]
[[Акатегориа:Филиппин аибашьрақәа]]
[[Акатегориа:Асовет Еидгыла аибашьрақәа]]
[[Акатегориа:Еиду Америкатәи Аштатқәа реибашьрақәа]]
[[Акатегориа:Аҩадатәи Виетнам аибашьрақәа]]
[[Акатегориа:Аладатәи Виетнам аибашьрақәа]]
39b62cf3ynmp9epwmpwd9bu81io8psi