Ахада Аҩныҵҟатәи Аусқәа Рминистрра аусзуҩцәа ирыдиныҳәалеит рзаанаҭтә ныҳәа

Материал из Wikipedia

10/11/2006 18:00 АҦСНЫ, АҞӘА

Аҧсны Ахада Сергеи Багаҧшь Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра иҷыдоу аилатәараҿы ахәашаҽны, аҧсуа милициаа аусзуцәа рзаанаҭтә ныҳәа — Амилициа Амш рыдиныҳәалеит.

Аҳәынҭқарра анапхгаҩы иазгәеиҭеит Аҧсны ацәгьаура еиҿкаақәа еиҳа ишмаҷхаз, ацәгьаура бааҧсқәа рхыҧхьаӡара еиҳа ишагхаз, ишеиҳахаз ацәгьаурақәа раартра.

Ахада иазгәеиҭеит иара убас, аиҳабыра азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа рџьа аҭагылазаашьа аиҕьтәра хықәкыс ишамоу. "Убри аганахьала иҟаҵоу рацәоуп. Атранспорттә хархәагақәа рпарк рҿыцуп, иалагалоуп аамҭа ҿыц иақәшәо аимадаратә хархәагақәа", — иҳәеит С. Багаҧшь.

Иара убас С. Багаҧшь иазгәеиҭеит аҳәынҭқарра амилициа аусзуҩцәа рматериалтә ҭагылазаашьа аиҕьтәра ишазхәыцуа.

"Ҳазҭало ашықәс жьҭаара мза инаркны, аҩныҵҟатәи аусқәа русзуҩцәа руалафахәы 50% ишьҭыҵраны иҟоуп. Уи аҿы ишаангылатәым еилаҳкаауеит. Ҳара есааира амилициа руалафахәы ацҵара ҳазхәыцлоит", .— абас иҳәеит Ахада.

Убри анаҩс аҳәынҭқарра анапхгаҩы дазааҭгылеит азинхьчаратә усбарҭақәа ишрыдҧхьалатәу азыҟаҵара змоу аусзуҩцәа қәыҧшцәа.

"Ҳара иаҳҭахыуп аҩныҵҟатәи аусқәа рминистррахь акадр қәыҧшқәа адҳаҧхьалар. Уи азы амилициаҿы аусура аҳаҭыр шьҭыхзароуп. Ауалафахәы бзиа ара иаӡбогьы рацәоуп", — иҳәеит Ахада.

Ахада иазгәеиҭеит акурорттә сезон аан амилициа аусура бзиа атәы. "Иҳаҩсыз акурорттә сезон ашәарҭадара ахылаҧшразы иҟаҵаз маҷӡам. Аха иҟоуп ацәгьоура хкқәак зцәыргареи зазҧхьагәаҭареи макьана иҵегьы аус рыдулатәу. Убри аҟнытә иааиуа асезон уажәнатә аҽазыҟаҵара иалагатәуп", — иҳәеит С. Багаҧшь.

С. Багаҧшь ҷыдала иҭабуп ҳәа реиҳәеит аҧсуа милициа аҧҵара иахаану, ахыҵхырҭаҿы игылаз аветеранцәа, азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа зегьы рзанаанаҭтә уалҧшьа анагӡараҿы ирзеиҕьеишьеит аҽынкылара, ачҳара, агәамч.

Амилициа аусзуҩцәа аӡәырҩы иранашьан ахьӡқәеи аҳаҭыртә ҳамҭақәеи.