Аҩадахьтəи Уаҧстəыла–Аланиа Аҳəынҭқарра

Материал из Wikipedia.

Аҩадахьтәи Уаҧстәыла - Аланиа Аҳәынҭқарра Кавказ агәыҭаны ыҟоуп. Атерриториа – 8.000-кмк2; аҳәынҭқарра иаланхо – 710.275-ҩык (2002 ш.). Ақалақь Ӡауџьыҟау (315.608) Аҩадахьтәи Уаҧстәыла иаҳҭнықалақьуп. Даҽа қалақьқәа Моздок (42.865), Беслан (35.550), Алагьыр (21.496), Ардуан (17.521), Дигәара (11.819) роуп. Административ-территориалтә ашара – Ӡауџьыҟау ақалақь ахадара дгьылқәеи 8-раионки иҟоуп: Алагьыр, Ардуан, Дигәара, Ираф, Кьыров, Моздок, Правобережны, Пригородны. Аурыс бызшәеи ауаҧс бызшәеи аҳәынҭқарратә бызшәақәа роуп. Аҳәынҭқарра хьыӡқәа: 1924-1936 - Аҩадахьтәи Уаҧстәылатәи Автономтә Област; 1936-1991 - Аҩадахьтәи Уаҧстәылатәи Автономтә Советтә Социалисттә Республика; 1991 инаркны - Аҩадахьтәи Уаҧстәыла - Аланиа Аҳәынҭқарра.