ҔБАЛА АНЫҞӘАРА АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ҴАКЫ АMАНЫ

Материал из Wikipedia.

Аҧсны аҧыза-министр ишиҳәаз еиҧш, Аҟәеи Шәачеи рыбжьара мшынла аимадара рҿыцымзар амуа иҟалеит Урыстәылатәи аҧсшьацәа рхыҧхьаӡара ари аамҭазы иахьырацәоу азы. Аимадара ҟалоит акоммерциатә структурақәа рылшара ала. Аҕба иахагылазаауеит Латинтәи Америка атәылақәа руак абираҟ. Ари азҵаара азын Қырҭтәыла аҳәаанырцәтәи аминистрра апротест азырхиара иаҿуп. "Урыстәыла, Қырҭтәыла иацәӡан еиҭа хәмаррақәак ирҿуп, Шәачеи Аҟәеи адәыҕба анрыбжьарҵаз еиҧш", -иҳәеит Қырҭтәыла ашәарҭадаратә комитет амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыҧуаҩ Џьемал Гахокиӡе. Аҟәа арҭ апротестқәа аҵакы рырымҭеит. Аҳәаанырцәтәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Гьаргь Оҭырба ишиҳәаз ала, акурорттә сезон нҵәаанӡа ҕбалатәи аимадара еиҧҟьахом. 26.07.2003 Aгeнтcво Kaвкaз